Sputnik Аԥсны
575 subscribers
2.93K photos
4K videos
7.63K links
Ажәабжьқәа – аԥсышәала!

Шәнапы аҵажәҩы, шәазҿлымҳаз ҳхатәы бызшәала раԥхьаӡа акәны ицәажәо аканал
Download Telegram
Аԥсны Ақыҭанхамҩа аминистррахь инашьҭуп 700 миллион мааҭ инареиҳаны изҵазкуа ақыҭанхамҩа аҿиаразы аҳәынҭқарратә программа алахәхаразы арзаҳалқәа.

Арҭ арзаҳалқәа 2024, 2025 шықәсқәа рзы иаарышьҭхьан, аха абыуџьет аԥкрақәа ирыхҟьаны аԥаразоужьра ҟаҵамызт ҳәа радио Sputnik аефир аҿы иҳәеит аусбарҭа ахада Беслан Џьопуа.

Арзаҳалқәа рԥаразоужьра 2026 шықәсазы абиуџьет аҟынтәи иҟаҵахоит, уи раԥхьаӡа акәны миллиардбжак инаӡоит.

Апроектқәа рбиуџьетқәа 300 000 мааҭ инаркны 1,5 миллион мааҭ рҟынӡа иҟоуп, урҭ зегьы хазы-хаз ишьақәырӷәӷәахоит Ақыҭанхамҩа аминистрра акомиссиа агәаҭарақәа рышьҭахь.

Афермерцәа рыгәҭакқәа рынагӡаразы 212 миллион мааҭ азоужьра азгәаҭоуп. Даҽа 130 миллион мааҭ ақыҭанхарҭақәа рыцхыраара иазырхахоит. Аҳәынҭқарра ахада иӡбрала ашықәс аҩнуҵҟа қыҭацыԥхьаӡа миллионк-миллионк мааҭ аԥара рзоужьхоит.

Иаанхаз аԥарақәа амашьына-трактортә станциақәеи рыцхраареи, ахимиатә маҭәашьарқәа раахәареи ирзырхахоит.

Уажәазы акомиссиа арзаҳалқәа рыҭҵаара иаҿуп ҳәа азгәеиҭеит Џьопуа. Арзаҳалқәа рыдкылара аамҭала иаанкылоуп. Ари ашықәс азы иаашьҭу арзаҳалқәа иааиуа ашықәс ахь ииагахоит.
Абжьы аҵкыс иласу. Жәабранмза 6 1950 шықәсазы МиГ-17 ихиааланы аԥырраҿы абжьы аццакра иаԥызгаз, адунеи аҿы сериала иҭыжьу раԥхьатәи ҳаирплан нарҵәаган иҟалеит. @SputnikLive алегендартә ҳаирплан аҭоурых иазааҭгылоит.

Уаанӡатәи МиГ-15 хланҵы ианҭалоз акәын абжьеиҳа аҟынӡа аласра аналшоз. Микоиани Гуревичи рконструктортә биуро амашьына ҿыц ари аԥынгыла иахысит абжьаӡара иашаҿы, еиӷьыртәыз аеродинамикеи амҵәыжәҩа ахҿаҟазшьа аиӷьтәреи ирыбзоураны.

▪️Атриумф ахәԥса. Раԥхьа изызгәышьуаз аҳәаа дахысит аԥырҩы-ԥышәаҩ Иван Ивашьенко. Аԥышәарақәа иԥсҭазаара рыхҭниҵеит: ирекорд ашьҭахь, мызки бжаки ааҵуаны, аҳаирплан аҳауаҿы еилаҳаит адырдырра иахҟьаны, аԥырҩы аҳаирплан ааныжьра дахьымӡеит. Уи иҭахара аконструкторцәа алшара рнаҭеит аҳаирплан аҵыхәа аус адулареи аԥыррақәа шәарҭамкәа рыҟаҵареи рзы.

▪️Адунеитә бестселлер. МиГ-17 аҭоурых аҿы зегь реиҳа хыԥхьаӡара рацәала иҭрыжьуаз ареактивтә ҳаирпланқәа ируакхеит. СССР, Польша, Китаи, Чехословакиа иҭрыжьит 11 нызқь рҟынӡа машьына. 40 тәыла рарбџьармчқәа рҿы ахархәара аҭан, "аибашьра хьшәашәа" аантәи аимакқәа шамахамзар зегьы ирылахәын.

▪️Виетнамтәи алегенда. Аҳаирплан ахьтәы иеҵәа Виетнам ажәҩан аҿы икыдлеит. Еилҟьа-еилӷәыцәыз, знапаҿы аагара маншәалаз МиГ еимгеимцарак иалагӡаны, қәҿиарала иканажьуан ццакрыла иара аасҭа еиҳаз, иҿыцӡаз америкатәи аҳаирплан нарҵәагақәа. Виетнамтәи аган адыррақәа рыла, МиГ-17 ала аӷа иҳаирпланқәа 143 карыжьит, убри аан дара 75 рцәыӡит.

Ари аҳаирплан абжьы иаԥысуа авиациахь амҩа аазыртыз аепоха иасимволхеит.
This media is not supported in your browser
VIEW IN TELEGRAM
🔸Дырмит Гәлиа иҩны-амузеи аҿы шьаҭанкыла арҽеиратә усурақәа мҩаԥысуеит ҳәа Sputnik иазеиҭалҳәеит амузеи аиҳабы Светлана Қорсаиаԥҳа.

Аргылаҩцәа ахыбра актәи аихагылаҿы адашьма ақәгара иаҿуп, ажәытә шьых кыдырхуеит. Апластикатә ԥенџьырқәа амҿлых ԥенџьырқәа рыла ирыԥсахуеит, ауадақәа рыбжьара Гәлиа ихаан иҿаз ашәқәа еиҭашьақәдыргылоит.

Ахыбра ахыб ҿыц ақәҵахоит, ахаҿра еиҭашьақәыргылахоит, арԥхареи аҳауеиҭарсреи шьақәыргылахоит.

Аиҭашьақәыргыларатә усурақәа раан иазԥхьагәаҭоуп азал хада арҭбаара, аекспозициатә зал ҿыц аартра – уи Жәлар рпоет иҭаацәа ирызкхоит.

Аҳәынҭбиуџьет ахарџь ала аусурақәа мҩаԥнагоит Аҳәынҭеилахәыра "Аԥсныргылара", иазоужьуп 38 миллион мааҭ.

Амузеи ахьыҟоу ахыбра ргылан 1911 шықәсазы. Аҩны-амузеи аартын 1974 шықәсазы, уи аахыс уа ашьаҭанкыла-арҽеиратә усурақәа мҩаԥгамызт. Амузеи аҿы Жәлар рпоет инапылаҩырақәагьы уахь иналаҵаны 20 нызқь инареиҳаны зыхә ҳараку аекспонатқәа ҵәахуп. Аусурақәа ирылагаанӡа урҭ аамҭала Амилаҭтә библиотека аҵәахырҭахь ииагоуп.
1
Хәышықәса рыҩнуҵҟа Аԥсны иазгәаҭоуп 27 хҭыс – зықәра намӡац аӡӷабцәеи ахацәеи аизыҟазаашьа анрыбжьало ҳәа арадио Sputnik иазеиҭалҳәеит ахәыҷқәа рзы аомбудсмен Мактина Џьынџьалԥҳа.

Арҭ ахҭысқәа ашәҟәы иҭанагалеит ахәыҷқәеи аҭаацәарақәеи асоциалтә цхыраара рыҭараз амаҵзура, ахәыҷы изинқәа рыхьчара знапы иану и-Аппарат ахьгьы иара убри аҟара дырра ҟаҵоуп, аха аиҳарак урҭ зегьы анонимтә ҟазшьа рымоуп, аофициалтә рзаҳалқәа ыҟаӡам ҳәа лҳәеит лара.

Џьынџьалԥҳа лажәақәа рыла, аҭыԥҳацәа реиҳарак рҭаацәа рахь ихынҳәуеит, аха иҟоуп аҭаацәара ианалалогьы.

"Ари еиҳарак иаанаго ашьаустә ҭакԥхықәра аҽацәхьакроуп. 16 шықәса зхыҵуа аҭаацәара ишалалаз азы ашәҟәы иҭаргалоит. Аха ас еиԥш иҟоу аҭаацәарақәа шамахамзар ихыбгалоит, аӡӷабгьы данызаҵәхоит, лхәыҷи лареи еизынхоит", — ҳәа азгәалҭеит Џьынџьалԥҳа.

16 шықәса зхымҵыц, зықәра намӡац ацәеижьтә еизааигәахара анлоу азы ахҭыс ыҟазар, уи азхьаԥшра зуалу аусбарҭақәа ааха змоу, мамзаргьы уи лҭаацәа рҟынтәи арзаҳал иазымԥшыкәа ақәҿырҭроуп.

📎 Аҟәа апрокуратура 40 шықәса зхыҵуа Мизан Џьапуа 14 шықәса зхыҵуа аӡӷаб ԥҳәысс дигарц азы лымҵарсра аганахь ала агәаҭарақәа мҩаԥнагоит.
Аԥсны иахьаҵанакуа, Урыстәыла атәылауаҩра змоу Аԥсны атәылауаа урыстәылатәи аҩнуҵҟатәи атәылауаҩшәҟәқәеи амашьынарныҟәцаразы аршаҳаҭгақәеи ахьрырҭо аҭыԥқәа русура аанкылоуп ҳәа аҳәамҭа ҟарҵеит Аԥсны иҟоу Урыстәыла Ацҳаражәҳәарҭаҿы.

"Аԥснытәи аполитикатә усзуҩцәа, Жәлар Реизара адепутатцәагьы налаҵаны, зыӡбахә ҳәоу аҭыԥқәа русура азакәаншьаҭа амазааразы ргәыҩбараз, ихьыԥшым Аԥсны аҳәынҭқарра асуверенитет ҳаҭырла иазнеиуа урыстәылатәи аган урҭ аҭыԥқәа русура аанкыларазы аӡбамҭа рыдыркылар акәхеит", — ҳәа азгәаҭоуп аҳәамҭаҿы.

Аԥсны атәылауаа иарбоу аусшәҟәқәа рыҭаразы аусура Урыстәыла аҵакырахь ииагахоит ҳәа азгәарҭеит Ацҳаражәҳәарҭаҿы.
👍1😱1
Аԥсны иҟоу Урыстәыла ацҳаражәҳәаҩ Михаил Шургалин ареспублика иахьаҵанакуа урыстәылатәи ашәҟәынҵақәа рыҭара аанкылара ахҳәаа аиҭеит.

Урыстәылатәи аҩнуҵҟатәи атәылауаҩшәҟәқәа ахьрырҭо аҭыԥқәеи, иара убас аныҟәцаразы азини ахьеиқәдыршәо акабинетқәеи Аԥсны иаартын Урыстәыла ахада иӡбамҭа шьаҭас иҟаҵаны, Аԥсны ахадеи аԥснытәи амчрақәеи ақәыршаҳаҭны.

Аусқәа еиҿкаан "иаку аԥенџьыр" апринцип ала — хәыда-ԥсада, урыстәылатәи аспециалистцәа адыԥхьаланы, Урыстәыла атәылауаҩра змоу Аԥсны атәылауаа рзы иахьынӡауа иманшәалоу аҭагылазаашьақәа раԥҵаразы. Аԥсны иахьаҵанакуа Урыстәыла АҩАР аусзуҩцәа рыҟазаара ареспублика азакәанԥҵара иаҿагылаӡом, жәларбжьаратәи апрактика иақәшәоит.

Аха, жәабран 4 рзы атәылахьчареи амилаҭтә шәарҭадареи рзы апарламенттә еилакы аилатәараҿы адепутатцәа гәыԥҩык, ҷыдала Кан Кәарҷиа, Урыстәыла АҩАР Амиграциатә маҵзура аспециалистцәа Аԥсны рыҟазаара азиншьаҭа шамоу азы агәыҩбара аадырԥшит. Уи исуверентәу аҳәынҭқарра аҩнуҵҟатәи аусқәа рыҽрылагалароуп ҳәа азгәаҭо, Кәарҷиа ашьҭахь иаартны ахҳәаа аиҭеит.

Уи инамаданы Урыстәыла АҩАР анапхгара аӡбра рыдыркылеит русзуҩцәа дырхынҳәырц, ареспублика аҵакыраҿы ашәҟәынҵақәа рыҭара аанкылазарц ҳәа иҳәеит ацҳаражәҳәаҩ.

Ацҳаражәҳәарҭа адыррақәа рыла урыстәылатәи атәылауаҩра рымоуп 190-нызқьҩык рҟынӡа Аԥсны ауааԥсыра. Убри аан урҭ реиҳараҩык Урыстәыла аҩнуҵҟатәи атәылауаҩшәҟәқәа рымаӡам, уи аҳәынҭқарратә маҵзурақәеи асоциалтә льготақәеи роура ԥнакуеит. Уажәшьҭа, атәылауаҩшәҟәы аиура ахьалшо Урыстәыла аҵакыраҿы мацара акәхоит, 4 нызқь мааҭ инаркны 6 нызқь мааҭ рҟынӡа аҳәынҭқарратә баџь ахшәаара аҭаххоит.
Атәыла ахада Иусбарҭа анапхгаҩы Беслан Ешба урыстәылатәи аполиттехнологцәа Аԥсны русура дадҳәалан ҳәа Ешсоу Какалиа "Аиашара" иаиҭаз аинтервиу аҿы ииҳәаз иашам ҳәа ахиҳәааит.

Ас еиԥш иҟоу аҳәамҭақәа иахәҭоу азинтә хәшьара рыҭахоит ҳәа аҳәоит атәыла ахада ипресс-маҵзура адырраҭараҿы.
Константин Ԥлиа ҩаԥхьа Гал араион ахадас дшьақәырӷәӷәоуп.

Гал Араионтә еизара адепутатцәа еицҿакны уи икандидатуразы рыбжьы арҭеит.

"Ахада иаамҭеи Араионтә еизара адепутатцәа раамҭеи еицынҵәоит. Ишдыру еиԥш ҭагалан Галтәи Араионтә еизарахь алхрақәа мҩаԥган. Убри иадҳәалоуп атәыла ахада Бадра Зураб-иԥа Гәынба араион ахада иҭыԥ аҩбатәи аамҭахәҭазы скандидатура ахьықәиргылаз. Адепутатцәа ари аӡбамҭа рыдыркылеит. Ари ҳара ҳзы ҳаҭыр дууп, ус анакәха зегьы ииашаны иҟаҳҵоит", — ҳәа Sputnik иазеиҭеиҳәеит Константин Ԥлиа.

Ашәахьа, жәабран ҩба рзы аҳәынҭқарра ахада Бадра Гәынба араион ахадас Ԥлиа икандидатура ықәиргылеит.

📎 Ажьырныҳәа 31 рзы Гәылрыԥшь араион аҭыԥантәи ахаланапхгараҭара адепутатцәа Саида Ҳаразиа Гәылрыԥшь араион ахадас икандидатура шьақәдырӷәӷәеит.
Москва мҩаԥысит "Иналукааша ауаа рыԥсҭазаара" асериа иаҵанакуа "Даур Занҭариа. Аҟәа иԥшааз ашәҟәы" аӡыргара.

Ашәҟәы автор — ашәҟәыҩҩы Максим Гуреев, иҭыҵит ашәҟәҭыжьырҭа "Молодая гвардия" аҿы. Аҭыжьымҭа иаҵанакуеит архивтә материалқәеи, ахатә ршаҳаҭгақәеи, аепохаз автортә хшыҩзцареи шьаҭас измоу абиографиатәи алитературатәи ҭҵаара.

"Иахьагьы уи ауаҩ ихьӡ иахьатәи амш азхәыцреи аилкаареи рзы аҳәатәы ҳнаҭоит, иҟоу ахәшьара шаҳҭогьы ҳазнархәыцуеит. Даара ииашахон иажәабжьқәеи иажәеинраалақәеи ауаа рацәа рҟынӡа инаӡар", — ҳәа инаҵшьны иазгәеиҭеит Аԥсны акультура аминистр Даур Ақаҩба.

Аӡыргара иалахәын Даур Занҭариа иҭынхацәа, арҿиаратә интеллигенциа, Москва иҟоу аԥсуа диаспора ахаҭарнакцәа, Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистр Олег Барцыц, Аԥсны Жәлар рпоет Дырмит Гәлиа имоҭа Гьаргь Гәлиа.

Ашәҟәы аҭыжьра раԥшьгамҭоуп Даур Занҭариа ихьӡ зху Ацентр анапхгаҩы Циза Гәынԥҳаи аҵарауаҩ Баҭал Кобахьиеи. Афинанстә цхыраара ҟаиҵеит Урыстәылатәи амуниципалтә академиа академик Беслан Кобахьиа.

📎 Даур Занҭариа – аҭоурыхтә повестқәеи ажәабжьқәеи равто. Ипрозаҿы иааирԥшит аԥсуа қыҭа абзазара, аҵасқәа, аҟазшьақәа, аишәачара, алегендақәа, аамҭа ҿыц.
This media is not supported in your browser
VIEW IN TELEGRAM
Аҟәа Искандери Агәмааи рымҩақәа реихысырҭаҿы еиҿкаарадаз агәамсамкаԥсарҭа аилыргара иалагеит.

Аҩнусбарҭа №3 аусуцәа атехника ҷыда адыԥхьаланы ирыцқьаны агәамсам ықәыргоит.

Ашықәс иалагазар урҭ рнапаҵаҟа иҟоу аҭыԥқәа рҟны 15 субботник мҩаԥыргахьеит ҳәа аанацҳауеит аҳҭнықалақь ахадара апресс-маҵзура.

Аусбарҭа № 3 аиҳабы ихаҭыԥуаҩ Роман Габелиа ишазгәеиҭаз ала, иахьахәҭам аҭыԥ аҿы еиҿкаарадатәи агәамсамкаԥсарҭақәа шьақәгылоит идууи аргыларатәи гәамсам казыжьуа атәылауаа ламысдарала рхымҩаԥгашьа иахҟьаны.
This media is not supported in your browser
VIEW IN TELEGRAM
Аҟәа Аҳабла ҿыц аҿы иҟоу ахәыҷбаҳча еиҭашьақәдыргылоит.

Аҳҭнықалақь ахада Ҭемыр Агрба инапынҵала 5-тәи Аҩнусбарҭа амчала акыр шықәса аус зымуаз ахыбреи уи иаԥну аҵакыреи ррыцқьаразы аусурақәа мҩаԥысуеит.

Аҳҭнықалақь ахада ихаҭыԥуаҩ Авҭандил Сурманиӡе ишазгәеиҭаз ала, ашколқәранӡатәи аусбарҭа аиҭашьақәыргылара аҳҭнықалақь ахәыҷбаҳчақәа аидара ишаҵнаго еиԥш, амҩатә ныҟәарагьы акыр иармариоит.
👍1
Афымцаҳақәа реиҭарҿыцреи афымцамч ашәҟәы аҭагаларазы ахархәагақәа рыла абонентцәа реиқәыршәареи рзы аусурақәа ирылагеит

Аԥсны аенергетика аминистр Баҭал Мышәба иажәақәа рыла, ауснагӡатәқәа мҩаԥысуеит атәыла ахада Бадра Гәынба инапынҵала, ареспублика афымцаҳатә нхамҩа аиҭарҿыцреи амодернизациеи рыпрограмма аҳәаақәа ирҭагӡаны.

Аусурақәа мҩаԥыргоит Аԥсни Урыстәылеи рҟазацәа. Амчратә кабельқәа рыԥсахреи иажәхьоу аҩнқәа рыҩналарҭаҿтәи амаругақәа рырҿыцреи мҩаԥысуеит ҳәа азгәаҭоуп ареспублика Аенергетика аминистрра адырраҭараҿы.

Апрограмма ахыркәшара азгәаҭоуп 2026 шықәса анҵәамҭанӡа, уи ареспублика араионқәа зегьы аҵанакуеит. Зынӡа иқәдыргылараны иҟоуп 60 нызқь рҟынӡа аҳасаббаратә хархәагақәа.

Аенергетика аминистрра иазгәанаҭоит аусурақәа афымцаҳатә инфраструктура аиӷьтәра, афымцаҳақәа рҿы амашәырқәеи атехникатә цәыӡқәеи рыларҟәра, афымцамч азымхара амҽхак аларҟәра, уи ахҩаразы ахарџьқәа рырмаҷра, абонентцәа рхы иадырхәаз афымцамч ииашаны аҳасаббара алыршара ишырзырхоу.
Аҟәа Ақалақьтә еизара адепутатцәа Ҭемыр Агрба аҳҭнықалақь ахада имаҵураҭыԥаҿ икандидатура шьақәдырӷәӷәеит.

Аԥсны азакәанԥҵара инақәыршәаны, аҭыԥантәи амчратә усбарҭақәа рахь алхрақәа анымҩаԥыргалак ашьҭахь атәыла ахада араионқәа рхадацәа ркандидатурақәа рыдигалоит. Акандидатурақәа рзы аиқәшаҳаҭрақәа мҩаԥысуеит Араионтә еизарақәа рҿы. Аҭыԥантәи ахаланапхгараҭаратә усбарҭақәа рахь алхрақәа Аԥсны имҩаԥысит абҵара 8 рзы.

📎 Ҭемыр Агрба диит нанҳәа 24, 1989 шықәсазы Очамчыра араион Кәтол ақыҭан. 2014-2015 шықәсқәа рзы аус иуан Аҟәа ахадара Аусбарҭа "Ақалақьргылара" аиҳабы ихаҭыԥуаҩыс.

2015 шықәса инаркны 2019 шықәсанӡа – аҳҭнықалақь ахадара "Ақалақьргылара" Аусбарҭа аиҳабыс дыҟан. 2020 шықәса ԥхынгәымза инаркны – Аԥсны акапиталтә ргылара Аусбарҭа аиҳабы. Аҟәа ақалақь ахада имаҵураҭыԥ дахадыргылеит 2025 шықәса мшаԥы 23 рзы.
Шәҩык Аԥсны атәылауаа Сибратәи Афедералтә университет агастрономиа Аинститут аҿы аҵара иахысыр рылшоит.

Аԥснытәи агастроиндустриа аспециалистцәа рзы хәыда-ԥсада иназыцҵоу азанааҭҵара апрограммақәа еиҿкаахоит 2026 шықәсазы.

Адкылараз аҭагылазаашьақәеи апрограммақәа рҷыдарақәеи ртәы аиҿкааҩцәа еиҭарҳәеит Sputnik аҿы имҩаԥысыз апресс-конференциаҟны.

Аинститут азыҳәақәа аднакылоит: акрыфараатә наплакы анапхгара, ахәыҟаҵаҩцәеи ахаа-мыхааҟаҵаҩцәеи рзы акурс хада, сомелье азы алагамҭатә курсқәа, "Meet the meat" аԥышәа змоу ахәыҟаҵаҩцәа рзы, аԥышәа змоу ахаа-мыхааҟаҵаҩцәа рзы акурсқәа, ахәыҟаҵаҩ-хадацәа рзы ацхырааратә курсқәа рпрограммақәа рыла.

"Апроект абизнес аҿиара астратегиа иахәҭакуп. Ишәыдаагало апрограммақәа аус зуа аспециалистцәа рзанааҭтә дырра аизырҳара адагьы аинновациақәеи аконкуренттә лшареи рырцыхцыхра иазырхоуп", — иҳәеит "Акурорт Пицунда апансионатқәа Реидгыла" аменеџьер Азамаҭ Багаҭелиа.

Агастрономиа Аинститут иназыцҵоу азанааҭдырра Ацентр анапхгаҩы ихаҭыԥуаҩ Елена Миагкова инаҵшьны иазгәалҭеит аҵара апроцесс аан азхьаԥшра шаҭахо аҭыԥантәи аџьармыкьа, аҵакыра, аҭыԥантәи аалыҵқәа рҷыдарақәа, аԥеиԥш зауша абизнес аган ӷәӷәақәа.

Апрограммақәа ирылахәхар рылшоит еиуеиԥшым аусхкқәа ирыҵаркуа агастроиндустриа ахаҭарнакцәа, уи азы Аԥсны Атуризм аминистрреи Ахәаахәҭра-ааглыхратә палатеи рахь азыҳәа харҭәаатәуп.
Ҭемыр Оҭырба Афон ҿыц ахада имаҵураҭыԥ аҿы дшьақәырӷәӷәоуп.

Ақалақьтә еизара адепутатцәа еицҿакны икандидатуразы рыбжьы рҭиит жәабран 5 рзы имҩаԥысыз аилатәараҟны ҳәа Sputnik иазеиҭеиҳәеит Аизара ахантәаҩы Азамаҭ Чуаз.

Иара инаҵшьны иазгәеиҭеит Ақалақьтә еизара адепутатцәа ақалақь ахада иахь агәрагара шаадырԥшуа, иганахь ала ҽԥныҳәа шрызцәырымҵуа.

📎 Аԥсны азакәанԥҵара инақәыршәаны, аҭыԥантәи амчратә усбарҭақәа рахь алхрақәа анымҩаԥыргалак ашьҭахь аҳәынҭқарра ахада араионқәа рхадацәа ркандидатурақәа Араионтә еизарақәа ашьақәырӷәӷәаразы ирыдигалоит. Аԥсны аҭыԥантәи ахаланапхгараҭаратә усбарҭақәа рахь алхрақәа мҩаԥысит абҵара 8 рзы. Гәылрыԥшьи Гали араионқәеи Аҟәа ақалақьи рхадацәа шьақәдырӷәӷәахьеит.
Алхас Ҷыҭанаа Аҟәа араион ахада имаҵураҭыԥ аҿы дшьақәырӷәӷәоуп.

Азакәан инақәыршәаны Аԥсны ахада Бадра Гәынба Араионтә еизара икандидатура рыдигалеит ахәаԥшразы.

15 -ҩык адепутатцәа рҟынтәи 14-ҩык Ҷыҭанаа икандидатура азы рыбжьы рҭиит, аӡәы-иҽааникылеит.

Иара убас, Очамчыра араион ахадас дшьақәдырӷәӷәеит Алхас Кациа. Уи Араионтә еизара еицҿакны рӡбарала далхын.

Уаанӡа ишьақәырӷәӷәан Гәылрыԥшьи Гали араионқәеи, Аҟәеи Афон ҿыци рхадацәа.
Аҟәа ахадара аус адырулоит аҳҭнықалақь атранспорттә ҿиара-аплан аԥҵара иҳәеит ақалақь архитектор хада Бислан Багаҭелиа Аҟәатәи Ақалақьтә еизара аилатәараҿы.

"Абри амчыбжь аҩнуҵҟа ақалақьқәа рыҿиараа-планқәа знапы рылаку москватәи апроекттә еиҿкаара ахаҭарнакцәеи ҳареи ҳаиқәшәеит. Аҳҭнықалақь ахада агәра диргеит алшарақәа шыԥшаахо, апроектҟаҵаҩцәа хара имгакәа рыдкылара ҳазыхиоуп – урҭ ақалақь аҭҵааразы иаауеит", — ҳәа инаҵшьны иазгәеиҭеит иара.

Атранспорттә план ақалақь ԥхьаҟатәи аплан хадазы ҵаҵӷәны иҟалоит. Аҟазацәа иахәҭоу астатистика аизгаразы мызқәак Аҟәа иҟазаауеит, атранспорттә ныҟәарақәа ранализ мҩаԥыргараны иҟоуп, анаҩс аҿиара-аплан аиқәыршәаразы аусура иалагараны иҟоуп.
Аԥсны атәылауаа Урыстәыла атәылауаҩра змоу аҩнуҵҟатәи атәылауаҩшәҟәы роур рылшоит Урыстәыла Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрра аҵакыратә усбарҭақәа рҿы, ареспубликаҿы аусшәҟәқәа рыдкыларҭатә ҭыԥқәа ахьадаркыз инамаданы.

Урыстәыла азеиԥш атәылауаҩшәҟәа рыҭареи аусшәҟәқәа реизгареи рзы уаанӡа Аԥсныҟа иаашьҭыз Амиграциатә маҵзура аспециалистцәа ргәыԥи, уи иадҳәалоу аиқәыршәагақәеи дырхынҳәит Урыстәыла Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрра. Абри атәы иҳәеит Аԥсны Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра апаспорттә ҟәша аиҳабы Асҭамыр Колбаиа.

Убри инамаданы, Аҟәа, Очамчыра, Гагра уҳәа ареспублика Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрра Апаспорттә усбарҭа ашьаҭала иаԥҵаз ашәҟәусқәа рыдкыларҭатә ҭыԥқәа аркхоит ҳәа азгәеиҭеит иара.

📎 Уаанӡа Аԥсны иҟоу Урыстәыла Ацҳаражәҳәарҭа аҳәамҭа ҟанаҵахьан, Аԥсны иахьаҵанакуа Урыстәыла атәылауаҩра змоу Аԥсны атәылауаа урыстәылатәи аҩнуҵҟатәи атәылауаҩшәҟәқәеи аныҟәцаратә зини ахьрырҭо аҭыԥқәа русура шаанкылоу "аԥсуа политикатә усзуҩцәа, Жәла Реизара адепутатцәагьы налаҵаны хыхь зыӡбахә ҳәоу азиншьаҭа шамоу азы агәыҩбара шрымоу".
Москватәи Аҩны ацхыраарала фҩык Аԥсны ауааԥсыра амедицинатә реабилитациа иахысит.

Дара атәыла Агәабзиарахьчара аминистрра абжьгарала Урыстәыла аҳҭнықалақь аҿы иҟоу афедералтә медицинатә центрқәа рҿы аҽхәышәтәразы иалхын ҳәа аанацҳауеит Москватәи аџьынџьуаа рыҩны апресс-маҵзура.

Апрограмма анагӡара алыршахеит аҳәаанырцә иҟоу аџьынџьуаа рыцхыраара аҳәаақәа ирҭагӡаны Москва аиҳабыра рҟынтәи аԥарашәара абзоурала.
Урыстәыла атәылауаҩра змоу Аԥсны атәылауаа урыстәылатәи аныҟәцаратә гәраргагақәа Урыстәыла мацара ауп ироур ахьалшо.

Аԥсны ауааԥсыра ҩ-тәыуаҩрак змоу урыстәылатәи аныҟәцаратә гәраргагақәа рыҭаразы Аԥсныҟа иаашьҭыз Аҳәынҭавтоинспекциа аусзуҩцәа ргәыԥи уи иадҳәалоу аиқәыршәагақәеи дырхынҳәит Урыстәыла Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрра ҳәа иҳәеит Аԥсны ААИ аиҳабы Дамеи Аҩӡба.

Агәыԥ аусура ианалага инаркны ирыдыркылеит 19 140 рзаҳал, ирмазеин 18 050 гәраргага, иара убас 16 146 урыстәылатәи амашьынаныҟәцаратә гәраргагақәа рыҭоуп ҳәа иҳәеит иара.

Иара убас Аҩӡба иазгәеиҭеит, 2026 шықәса мшаԥымза 1 инаркны Урыстәыла атәылауаҩра змоу аԥснытәи амашьынаныҟәцаҩцәа урыстәылатәи аныҟәцаратә гәраргагада Урыстәыла амашьына аныҟәцара шрылымшо.

📎 Уаанӡа Аԥсны иҟоу Урыстәыла Ацҳаражәҳәарҭа аҳәамҭа ҟанаҵахьан, Аԥсны иахьаҵанакуа Урыстәыла атәылауаҩра змоу Аԥсны атәылауаа урыстәылатәи аҩнуҵҟатәи атәылауаҩшәҟәқәеи аныҟәцаратә зини ахьрырҭо аҭыԥқәа русура шаанкылоу "аԥсуа политикатә усзуҩцәа, Жәла Реизара адепутатцәагьы налаҵаны хыхь зыӡбахә ҳәоу азиншьаҭа шамоу азы агәыҩбара шрымоу".