Лыхнашҭа аҽаҩраныҳәа хышхыҵәоит. Аԥсуара аԥсы ҭакны иаазго ҳқыҭақәа рбеиара, рҟазара цәырыргеит иахьа, аҿамаҿа иақәныҳәоит. Ааԥын мышкы иууа ҭагалан мзаны иуԥылоит, игәырӷьачысхааит зегьы! Ԥшӡала иҭазгалаша, ԥшӡала изфаша! 🙏🏻
🧡 Ахьыуардын шәақәтәа
Please open Telegram to view this post
VIEW IN TELEGRAM
Please open Telegram to view this post
VIEW IN TELEGRAM
👍25❤🔥9❤8
This media is not supported in your browser
VIEW IN TELEGRAM
Иахьа Лыхнашҭа ачеиџьыка ду ҟазҵаз, гьамала аныҳәа еиҿызкааз Гәдоуҭа араион ақыҭақәа ҩажәеи Афон ҿыц ақалақьи, иҭабуп! Абри еиԥш ахҭысқәа идыршаҳаҭуеит: ҳкультуреи, ҳбызшәеи ҳареи ҳаизибархоит, адоуҳа аганахьала тәымк ҳахьынҳаларатәы акы ҳазрыцҳаны ҳаҟам! Ҽаанбзиала шәнеилааит зегьы!
Please open Telegram to view this post
VIEW IN TELEGRAM
👍21🔥5❤3❤🔥3
This media is not supported in your browser
VIEW IN TELEGRAM
Ҳашьцәа ашәуаа рымчындыр ҳныҵалап ҭынч. Аҿар асцена иқәԥраауанаҵы, аиҳабацәа гәаартыла асасцәа ирԥылон. Ачеиџьыка змоу иблақәа хтуп.
Асовет аамҭазы Аҟәатәи асахьаҭыхратә ҵараиурҭа иалгаз, знапы ахьы аԥссо Амир Абыџба анапкымҭақәа дрыхцәажәеит, реиҳарак иара ичаԥамҭоуп. Хҩеишьцәа ахьыҟоу рызегь аҟазара рнапы алакуп. Ара иаҳирбаз аҳәа ҟьаҟьа анхараҿы имаҭәахәуп, аԥҳә, амӷ алаурхуеит. Иҳәеит ашәуа ҳәызбақәа зегь рыла аԥсуаа ҳтәқәа ишреиԥшу.
Зурида Ачбаҟәа, хылҵшьҭралагьы ҭеиҭԥшлагьы иаҳкәажәу, лыбла лхаччо абаза чысқәа ирыхьӡу, излыху еиҭалҳәон. Лнапы иқәыргыланы иаалгаз афатәқәа иреиуоуп: ашырӡ ҳалуа ҳалы́уа-хылԥа, аныҳәақәа раан иҟарҵоит, ҳаҭы́ӷ — ҳара ҳамгьал аиуа, ҟальта́ма (хворост), бахсы́ма (ахәыӡ иалху арыжәтә цаҳәцаҳәа), иара убас аҭубар, ауасажьы, акәтыжь, ачашә, ауҭраҭыхқәа. Аишәа аҩычон амшра зцу акаканҵла.
Аҿыц аамҭазы Лыхнашҭа аныҳәа раԥхьаӡа акәны имҩаԥган 1984 шықәсазы, ҳаԥхьаҟа ԥшӡала 40 шықәса ахыҵуеит еиҭахацырку ҳмилаҭ традициа.
Аныҳәаҟынтә инеиҵыху анҵамҭа шәаԥхьар шәылшоит абра>>

👍21❤🔥2
"Агәаарагьы ыҟоуп, агәхьаԥссарагьы"
Хәаса имхы ҭеигалаанӡа аӡынра ихьӡеит. Аҵаа зысыз аԥҳә арҩеит. Ирху ма иҿасҳәап игәахәын Хәаса, анымҩа ҿаиҳәарц далагеит. Аха излаҵааны иҟаз аԥҳә ҵәиуамызт. Знык иҿеиҳәан иԥҵәеит, ҩынтә иҿеиҳәан иԥҵәеит, анымҩа еилыҩырны икаԥсон. Ас данамыхәаӡа икьарахә ааҭиган, анымҩа ахьышьҭаз агәараҳәа деихсит, иԥсы ишьазшәагьы ибеит.
Убри аамҭазы Гаџьа захьӡыз ҽуаҩык дахьааиуаз ари ибон, Хәаса наизҿиҭит: "О, Хәаса! Ус ирласны уабџьар уамыхалан, агәаарагьы ыҟоуп, аха агәхьаԥссарагьы ыҟоуп".😉
Анатоли Аџьынџьал
#аԥсуа_лафқәа
🧡 Ахьыуардын шәақәтәа
Хәаса имхы ҭеигалаанӡа аӡынра ихьӡеит. Аҵаа зысыз аԥҳә арҩеит. Ирху ма иҿасҳәап игәахәын Хәаса, анымҩа ҿаиҳәарц далагеит. Аха излаҵааны иҟаз аԥҳә ҵәиуамызт. Знык иҿеиҳәан иԥҵәеит, ҩынтә иҿеиҳәан иԥҵәеит, анымҩа еилыҩырны икаԥсон. Ас данамыхәаӡа икьарахә ааҭиган, анымҩа ахьышьҭаз агәараҳәа деихсит, иԥсы ишьазшәагьы ибеит.
Убри аамҭазы Гаџьа захьӡыз ҽуаҩык дахьааиуаз ари ибон, Хәаса наизҿиҭит: "О, Хәаса! Ус ирласны уабџьар уамыхалан, агәаарагьы ыҟоуп, аха агәхьаԥссарагьы ыҟоуп".
Анатоли Аџьынџьал
#аԥсуа_лафқәа
Please open Telegram to view this post
VIEW IN TELEGRAM
👍21
Алитератураҭҵааҩ, ауаажәларратә усзуҩ, Аԥсны жәлар рџьынџьтәылатә еибашьра аветеран, Аԥсны зҽаԥсазтәыз аҭҵаарадырра аусзуҩ, Ахьӡ-Аԥша аорден III аҩаӡара занашьоу, Гь. Ӡиӡариа ихьӡ зху аҳәынҭқарратә премиа алауреат Уасил Аҩӡба иахьа 65 шықәса ихыҵит.
Уасил Шамониа-иԥа аибашьраан иқәццышәааз аԥсуаҭҵаара ахәышҭаара ҩаԥхьа ашьара иқәлартә, иӷьацартә аџьабаа ду збаз аҵарауаа рхаҿы дгылоуп. Жәохә шықәса инареиҳаны Д. Гәлиа ихьӡ зху Аԥсуаҭҵааратә институт напхгара аиҭон, уи аусура еиҿикааит, аҩнуҵҟа аҟәша ҿыцқәа ааиртит, адәныҟа ацҳақәа хиҵеит. XXI ашәышықәсазы Кавказ хьӡи-ԥшеи змоу аинститутқәа ируакны иҟалеит иара ихаан.
Уасил Аҩӡба — аенциклопедиатә дырра змоу ҵарауаҩуп, инапы иҵигаз аусумҭақәа ҭышәынтәалоуп, еиқәтәеиқәгылоуп, иара иҟазшьоуп темас ишьҭихуазаалак инҭырҳәцааны аҭҵаара, акы агмыжькәа, узавамло. Алитератураҭҵааразы, иара иааидкыланы аԥсуа ҭоурыхдырразы хәы змаӡам лагалоуп ишәҟәқәа: "Аԥсуа роман", "Аамҭа ашьҭақәа", "Алаԥшҳәаа", ҩ-томкны еидикылаз агазеҭ "Аԥсны" 1919–1921 шш., убас хыԥхьаӡара рацәала астатиақәа, аԥхьажәақәа, ажәахәқәа. Еизганы иҭижьхьеит ашәҟәыҩҩы Мушьни Аҳашба акьыԥхь зымбацыз иҩымҭақәа.
Аԥсны Ашәҟәыҩҩцәа рассоциациа далоуп, ажурнал "Аҟәа-Сухум", агазеҭ "Еҵәаџьаа" аредакторцәа дыруаӡәкуп, Аԥсуа университет аҿы дырҵаҩуп, зегь рыла иҿырԥшыгоу, зышьҭамҭа быбыцк хыршәлам ауаҩы.
Ҽаанбзиала днеилааит! Ҳадунеи, ҳаԥсуара дагымзааит!

👍16❤2
Ахьыуардын
Алитератураҭҵааҩ, ауаажәларратә усзуҩ, Аԥсны жәлар рџьынџьтәылатә еибашьра аветеран, Аԥсны зҽаԥсазтәыз аҭҵаарадырра аусзуҩ, Ахьӡ-Аԥша аорден III аҩаӡара занашьоу, Гь. Ӡиӡариа ихьӡ зху аҳәынҭқарратә премиа алауреат Уасил Аҩӡба иахьа 65 шықәса ихыҵит. Уасил…
"Аинститут аханатәгьы иақәашьын наунагӡа аҭоурых ианхало аҵарауаа дуқәа. Урҭ рус уасхырс иазышьҭан жәлар ркультура, рҭоурых, рбызшәа аихаҳара. Дара рышьҭа дхыланы Уасил Аҩӡбагьы Аԥсуаҭҵааратә институт анапхгараҿы ҽышәала аус иуит, аҭҵаарадырратә дунеи аҿы иахьагьы шьаҿаӷәӷәала имҩа дықәуп".
Арда Ашәба, аҵарауаҩ; У. Аҩӡба ишьҭрамадаҩ
Хазҷыдала иалкаазар аԥсоуп ҳәа ҳаԥхьаӡоит Уасил Шамониа-иԥа еснагь дзышьҭаз, иагьынаигӡаз ахыдҵақәа ишреиуоу Аԥсуа институт аҿы аԥсышәала адиссертациақәа рыхьчара алыршареи, ақыҭақәа рҿы дырҩегь афольклор анҵара азыхынҳәреи.
🧡 Ахьыуардын шәақәтәа
Арда Ашәба, аҵарауаҩ; У. Аҩӡба ишьҭрамадаҩ
Хазҷыдала иалкаазар аԥсоуп ҳәа ҳаԥхьаӡоит Уасил Шамониа-иԥа еснагь дзышьҭаз, иагьынаигӡаз ахыдҵақәа ишреиуоу Аԥсуа институт аҿы аԥсышәала адиссертациақәа рыхьчара алыршареи, ақыҭақәа рҿы дырҩегь афольклор анҵара азыхынҳәреи.
Please open Telegram to view this post
VIEW IN TELEGRAM
👍11
Ахьыуардын
Ахьыбла, аҟәрышә, амаҟаԥшь – абас ахьӡ ԥшӡақәа рхуп Аԥсны итәало акәатақәа. Иагьмаҷым дара, СНГ аҵакыраҿы 40 хкы иазгәаҭоу рахьтә ҳаԥсабараҿы иуԥыло жәаба ҳаԥшааит. Еиҳазаргьы ауеит. Асахьақәа рҿы акәатарбаӷьқәа роуп ижәбо, урҭ "рышәҵатәы" улаҿы иааиуеит,…
Иҟоузеи шәышықәса – аҭоурых азы кәтыҿырҳасымҭак, аха аамҭагьы асарч еиԥш зны еиҵалоит, зны еиҵыҵуеит, иҭаӡо еиҟарам. Еиҳарак аҵыхәтәантәи ашәышықәса хҭысла ибеиаз, шьаҭанкыла адунеи ахаҿра аԥсахит, агәаҭагьы . Иаагозар, Аҟәа (иахьагьы ажәытәра ацәа шахугьы) 1923 шықәсазы зынӡа даҽакала иҟан. Уажәы аџьырмыкьа аҭыԥан, акәша-мыкәша акәатақәа тәон. Ҳалаԥшып иаланхоз иблала.
"Убасҟантәи аамҭазы Аҟәа қалақь хәыҷык акәын. Уажәы аԥошьҭа хада зыҩноу аҩни Ацҳа ҟаԥшь ҳәа изышьҭоуи рыбжьара иаабжьанакуа акәын қалақьк еиԥш аулицақәа алданы, наҟ-ааҟ ауаа хықәынхалауа аҩнқәа ахьгылаз. Мамзар, аԥошьҭа нахыс шьапылагьы уаҩы дзылымсуа, маҟҿаҳәара уныҵашьшьуа ибаарран. Знык иааилахәлар аӡынрақәа раан, ақалақь шьҭырхырц шьоукы ақәлазшәа, аҟәҟәа-аҟәҟәаҳәа ихысуа еилан ашәарыцацәа, рыҩныҟақәа рышҟа ианыхынҳәуазгьы еидарак-еидарак акәатақәа рыдҳәала ирыманы иаауан. Ацҳа ҟаԥшьи Ӡыхәҭа акәареи рыбжьара, агаҿа инаваршәны, адгьыл зегь шаны, ауаа беиақәа Смецкоии Метелиови уҳәа иркын, апаркқәа ҟаҵаны ирыман".
Мушьни Аҳашба игәалашәарақәа рҟынтә
Ашәарыцацәа, шәхынҳәрызма мышкы-ҩымш уи аамҭахь?🦆 😊

Ашәарыцацәа, шәхынҳәрызма мышкы-ҩымш уи аамҭахь?
Please open Telegram to view this post
VIEW IN TELEGRAM
Telegram
Ахьыуардын
Ахьыбла, аҟәрышә, амаҟаԥшь – абас ахьӡ ԥшӡақәа рхуп Аԥсны итәало акәатақәа. Иагьмаҷым дара, СНГ аҵакыраҿы 40 хкы иазгәаҭоу рахьтә ҳаԥсабараҿы иуԥыло жәаба ҳаԥшааит. Еиҳазаргьы ауеит. Асахьақәа рҿы акәатарбаӷьқәа роуп ижәбо, урҭ "рышәҵатәы" улаҿы иааиуеит…
👍13
Абҵара 15 рзы диит Шамил Ԥлиа — ашәҟәыҩҩы, амшынуаҩ, ажурналист, аԥсуаа рмилаҭ-хақәиҭратә қәԥара алахәыла, Аԥсуа телехәаԥшра раԥхьатәи анапхгаҩы. Иара диижьҭеи 90 шықәса аҵра ҵыԥх иазгәаҳҭон, аха сынтәагьы, ателехәаԥшра ақәраныҳәа анамоу, 45 рҟынтә 15 шықәса уи аԥсҟы зкыз, имбрыкәа иаазгоз инысымҩа ҳаиҭазыхынҳәыр ахәҭоуп.
Шәаԥхьарц ишәыдаагалоит асахьа згәылоу, ихаҭеи аус ицызуаз иколлегацәеи ражәа ахьанҵоу Елеонора Коӷониаԥҳа лыстатиа>> Аӷба акаԥдан: Аԥсуа телехәаԥшра напхгара азызуаз Шамиль Ԥлиа игәаларшәаразы
🧡 Ахьыуардын шәақәтәа
Шәаԥхьарц ишәыдаагалоит асахьа згәылоу, ихаҭеи аус ицызуаз иколлегацәеи ражәа ахьанҵоу Елеонора Коӷониаԥҳа лыстатиа>> Аӷба акаԥдан: Аԥсуа телехәаԥшра напхгара азызуаз Шамиль Ԥлиа игәаларшәаразы
Please open Telegram to view this post
VIEW IN TELEGRAM
👍17❤4
Руслан Ҭаркьыл – адунеи аҿы иреиӷьу ҳәа зыхьӡ гахьаз аспортсмен-аидарашьҭыхҩы, зааԥсарақәа рацәаӡаны Аԥсынра иаду, Ахьӡ-Аԥша аорден занашьоу, Аԥсуара иагәҭылсаз, ашәахәа-чча иаҩызаз ахаҵа наӡаӡа дазцеит. Зыхарҭ бзиахаша, иаҭәоу ажәала ихцәажәаша ауаа ыҟоуп, иагьихцәажәоит. Ҳара иаҳҭахуп ари ауаҩ шаҟа даԥсышәаз зҳәо нҵамҭа хәыҷык шәыдаагаларц.
"Аныҳәашьа ажәа ҿыцқәа аԥшьызгаз" ҳәа хыс иаман Абыргцәа рхеилак ахантәаҩы, Аԥсны зҽаԥсазтәыз ажурналист Аполлон Думаа шықәсқәак раԥхьа Руслан Ҭаркьыл изикыз, гәыла ирԥхоу аессе. Иахьа, иара даныҟамла, изакә аԥсыуараз иныҟәигоз зҳәо акоуп. Ажурнал "Алашара" 2020-№3 ианылеит, ҳаргьы уажә уантә иааҳгоит:
...Чеиџьыка бзиак ҳанахатәоу, ҳҩыза, злафҳәара ҵыхәаԥҵәара амам Руслан Ҭаркьыли ҳареи ҳанеиқәшәало, иара ҭамадас далаҳхуеит. Еиҿкааны аԥсуаҵасла амҩаԥгараҿы дыпрофессоруп. (Амала иара ианиаҳауа дсырҽхәаӡом). Аиҩызцәа убас ҳанеиқәшәало идаҳҵо мап ацәикӡом. Аныҳәаҿақәа иааникыло, доусы ирнаало алафқәа рыхҳәааны, арыжәтә зымжәуагьы идиржәуеит. Зны-зынла иныҳәараҿ иаҳԥымлац ажәақәа аацәыригоит, угачамкны уаанхартә еиԥш. Абжьыуаа дҳамаҳәыми, иабхәараа рган сахьатәу азы дҩагылан, уаҩы имаҳацыз аныҳәаԥхьыӡқәа сызкуа даацәажәеит: "Уара, аԥсуара иамоу акәама-ҵамарақәа здыруа, иа Ҳазшаз Анцәа ду, суҳәоит, акамбашьқәа ахәы ирықәу шлахаанӡа, ауасақәа рхәы каԥсаанӡа, агәабзиара уманы, умажәуа-умаҳаны Анцәа уҳаҭәеишьааит!" – иҳәеит. Итәаз зегьы шанханы иаанхеит иныҳәара ажәақәа рыла. Саргьы ацәашьхәы зку уаҩуп, аха ари аҩыза аныҳәара смаҳацызт. Ҳабацәа ирҳәоны исаҳахьаз "умахәар ахәы шлаанӡа" ҳәа акәын.
Абас иҿыцу еснагь иҳалаигалоит Руслан. Иажәақәа егьи ҳҩыза, иара игәыла Кьасоу Ҳагба [Аԥсны жәлар рартист] ианиасҳәа, угәыла сшиныҳәаз ҳәа: "Уи уазымгәаан, акамбашь егьараан иҟазаргьы ахаан ахәы шлаӡом, ауаса ахәгьы каԥсаӡом, маӷык иамкәыкәыр. Ииҳәаз иаанаго умажәӡо уҳамазааит ауп. Акамбашьқәеи аԥсасеи иабду, ԥсаҭа шкәакәа Маҳҭы изанымзи, уантәи ауп иахьидыруа. Шәарҭ абжьыуаа, ахьы лбаашәаны, шәыкәа иҭашәаны ишыҟоу жәдыруоу? Абри еиԥш амаҳә дахьшәымоу ишәыбаргузеи!" – иҳәеит игәыла дидгыланы.

Sputnik Абхазия
На 74-м году жизни скончался рекордсмен мира, абсолютный чемпион СССР по тяжелой атлетике, кавалер орденов Леона и "Ахьдз-Апша" III степени, ветеран Отечественной войны народа Абхазии Руслан Таркил.
"Горько осознавать, что уходят такие легендарные спортсмены.…

😢12👍6❤2
Ахыцәкәыкәы́н (чуб, хохолок, макушка)
Ҭоурыхла аибашьҩы ӷәӷәа дызлаудыруаз ҭеиҭԥш ҷыдароуп, еиуеиԥшым ажәларқәа иныҟәыргон, ҳара ҳзыҿцаауаз ахазарцәагьы налаҵаны. Арахь ааскьа, XIX ашәышықәсанӡагьы иааит: азахәцәа, асаӡқәа, ахацәа рхы рсон ахыцәкәыкәын ааныжьны. Иуаа цәгьақәоуп ҳәа ззырҳәоз харантәи уи алагьы иудыруан. Иҟоуп агәаанагара, азахә икәамжәеиԥш ахыцәкәкәын аныҟәгарагьы аказакцәа Кавказ ишьҭыркааз акоуп ҳәа. (Дара рҵарауаа асарматцәа ирыҿҵаауп ҳәа адырбоит).
Ахцәы амагиатә ҵакы амоуп, амч ду алоуп ажәларқәа рмифологиаҿы. Уи иадҳәалоу азхаҵарақәа акыр ирацәоуп аԥсуаа ҳҿы: ахәыҷы шықәсык ихыҵаанӡа имышәхәы амырхуам; Ӡызлан лыхцәы змоу имаҵ луеит; арахә аҭираан "умшра ҳзынхааит" ҳәа хәыцк алырхуеит, уҳәа убас ирацәаны. Абарҭқәа рыдагьы, ауаҩы ихахәы – иԥсы "аҽахьаҵәахуа" аҭыԥқәа иреиуоуп ҳәа азхарҵон, ахыцәкәыкәын ааныжьрагьы змааназ уи ауп ҳәа алкаа дазааихьан афольклорист Цира Габниа.
Аԥсуаа рҿы аԥсы (душа) атәарҭақәас ишьоуп: анапхыц (уахынла), ашьапхыц (ҽынла), ахаԥыц, ахыцәхәыц, нас аԥсаҭы́ҩра ҳәа изышьҭоу ахәлымшәа агәаҩара.

👍18
🧩 Ажәахырҿиаара
Ахцәыԥны́ҳәа – праздник женской косы; моление девушек, чтобы коса хорошо росла
Х-шьаҭак реилаларала ишьақәгылоу ажәоуп: ахцәы + аԥара́ + аныҳәа (букв.: праздник-молитва плетения косы). Аԥсуаа иҟарҵон, ажәарқәа ирнуп. Аха амҩаԥгашьа атәы ахьаҳәо ҳзымԥшааит.
Ишакәхалак, иџьашьатәым абас иҷыдоу ныҳәарак ахьыҟаз. Ахцәы шьқьыри аџьымшь ҟьаҟьеи аҭыԥҳа лҭеиҭԥш зырԥшӡо ирхадароуп ҳәа ԥхьаӡан, лымкаалагьы алаҳәахӡы еиԥш еиқәаҵәоу, ихьыԥшшәылоу еилԥхаауа, мамзаргьы ахцәы зардагь (русые). Ахахәы рацәа зқәу дымшуп, зхахәы жәпоу агәабзиара лымоуп, зхахәы еилаарцыруа лгәы цқьоуп рҳәоит. Ахцәы алаԥш амаахарц аҭәҳәагьы ҟарҵон. Ан лыԥҳа лыхцәқәа ԥаны данаалгалак, наҟ-ааҟ длахо-ҩахо ахцәыҭәҳәа даԥхьоит:
"Соура уоураны,
Сыҭбаара уҭбаараны,
Хыԥсҭашәа уцәқәырԥо,
Мҷышь ашәа уҭашьшьы,
Чфу-чфу-чфу! Чфу-чфу-чфу!"
(ианиҵеит Валентин Кәаӷәаниа, иҵегь авариантқәа ыҟоуп).

👍17❤7
Иҳаи иҷышьи неиԥшьуа дааиуеит // адәы дықәуп рҳәоит ауаҩы рбзазагас имоу-ихӡу анмаҷу, мамзаргьы иааимоу зегь еицырхырааны уск нагӡатәыс иаԥхьа ианышьҭоу (едва сводить концы с концами; приложить максимум сил и средств).
Ари афразеологиатә еицааира асра-аҳара иахылҿиааит, аҳаи аҷышьи асырҭы ахәҭақәа роуп: аҳа́ - основа (продольная нить в ткани), аҷы́шь - уток (поперечная нить в ткани). Даҽкала иаҳҳәозар, аба злашьақәгылоу арахәыц еихыршьқәа ирыхьӡуп.
Асра, ахахара, ақәҵара, аӡахра, арышҳара – аԥҳәыс лнапы ианыз ҩнусқәан, аҭаацәа рымаҭәа-ҩыҭәа, аиарамаҭәа, ампахьшьқәеи, ауарҳалқәеи уҳәа зегьы напылаҟаҵаран ажәытәан. Ари ҟазаран, аха аҳәса рзы ҵыхәаԥҵәарак змамыз џьабаа дуӡӡан. Асырҭы, шамахамзар, ҩнаҭацыԥхьаӡа игылан, иҟалалон агәыла ҳәсақәа еизаны ианеицхыраауазгьы.
"Аҳаи" "аҷышьи" еиҭарсу аҵакы шьҭырхижьҭеи акрааҵуеит, Дырмит Гәлиа ироман "Камаҷыҷ" аҿы иаҳԥылоит: "Лыкәты лҭиит, лҟыз лҭиит, лҳаи-лҷышьи неицылҵан, ԥыҭ-чыҭк лыхәҳаит" ҳәа. Иахьагьы ирҳәо ҳаҳахьеит.
⭐️ Аԥсуаа Асырҭы шьапы ҳәа хьӡыс иарҭеит аеҵәаџьаақәа руак (созвездие "Ножка ткацкого станка").
🪢 Аус зуа асырҭы гылоуп Аԥснытәи аҳәынҭқарратә музеи аетнографиа аҟәшаҿы. Иара иаҿоу ампахьшьқәа рсит аҟәша аусзуҩцәа, аҵарауаҩ Таисиа Аланиа лаԥшьгарала.

👍15❤2
Ахьыуардын
Иҳаи иҷышьи неиԥшьуа дааиуеит // адәы дықәуп рҳәоит ауаҩы рбзазагас имоу-ихӡу анмаҷу, мамзаргьы иааимоу зегь еицырхырааны уск нагӡатәыс иаԥхьа ианышьҭоу (едва сводить концы с концами; приложить максимум сил и средств). Ари афразеологиатә еицааира асра-аҳара…
Асырҭы амҿы иалхны иҟарҵон, уи ахәҭақәа зегь ахьӡқәа рымоуп, иахьатәи ҳажәаҳәа иалҵхьоу, аха ашәҟәы ианҵоу, ус анақәха – имыӡыз. Хадара зуа асахьаҿы ижәбоит.
А́сеи аԥшы́цеи – бёрдо (ткацкий гребень) и ремизки;
Ама́рқәеи ама́рсеи – челнок и его шпулька (арҭгьы афразеологизм рылҵхьеит, хыхь ҳалацәажәон), амарса даҽакала: асарса́л, а́хәа, а́хәхәаҵәа;
Алыра – навой;
Ада́ԥа – ҩ-ҵакык амоуп: рама для берда (батан); деревянная коробка для хранения готовых изделий;
Ага́н, ахырҷа́рсҭа – кромка, неосыпаемый край ткани.
Иҟан убасгьы асырҭы иаԥшьымыз, аса зҭаԥсаз аҟа́да сы́га ҳәа, уи ахәымџьарқәеи амаҟаҿаҳәақәеи аларсон (ручное бердо для ткачества поясов и тесьмы).

👍14❤🔥3