Аԥсны зҽаԥсазтәыз арҵаҩы Баграт Кациа диижьҭеи иахьа 125 ҵуеит (1898 - 1977).
Ари ауаҩ 20 шықәса инареиҳаны Аҵара аминистрра аметодистс аус иуит. Уаанӡа Кындыӷтәи ашкол адиректорс дыҟан. Иара иоуп алагарҭатә классқәа рзы раԥхьаӡатәи аԥсуа бызшәа арҵара аметодика аԥызҵаз. Хыԥхьаӡара рацәала аԥсуа литературазгьы арҵага шәҟәқәа еиқәиршәон, аурысшәахьтә деиҭагон, арҵаҩцәа аус рыдиулон.
ХХ ашәышықәса аҽеиҩшамҭаз Аԥсны ашколқәа рҿы аԥсшәа аҵара азин аныҟамыз, ахәыҷқәа рхатәы бызшәа ахьырҳәоз азы рхы иаақәсуа, рнапы ашә иавҵархо ахлымӡаахрақәа зхызгаз аԥсуа школ аиҭашьақәыргылара, адац-ԥашә арӷәӷәара иазааԥсоз дыруаӡәкуп. Хашҭра иқәымзааит!
🧡 Ахьыуардын шәақәтәа

Please open Telegram to view this post
VIEW IN TELEGRAM
👍27
Раԥхьаӡатәи аԥсуаа раҳҭны-шьха иқәгылоу, акыр шәышықәса заҩызххьоу Аԥсаратәи абаашқәа хәҭа-хәҭала ажьы зҩыда рҟәынҵаны ҩаԥхьа ҳала иабарц ауп аԥсуа хылҵшьҭрақәа иахьа, зхы иақәиҭу Аԥсны Аҳәынҭқарра ахаан. Аурымқәа, аџьамцәа, араԥцәа — шаҟаҩ агәалашәода иԥшьоу ари ашьха, шаҟаҩгьы ршьа алабахьоузеи уа ухьчацәа, ажәытәӡатәи аныхатәарҭа Анаҟәаԥиа?
Ахаҳә — адунеи ақәлара асимвол. Иахьа уи аиқәҵара абзиа иатәуп, аԥсуаа ҳаӷәӷәара, ҳалша иатәуп. Рнапала игәырӷьааит аус еиҿызкааз, анагӡара иалахәу, ԥхьаҟа иацызҵаша зегьы! Инасыԥуп аҭоурых агәеисыбжь узырҳауа абри еиԥш ахҭысқәа рылаԥшра, иумырдырӡакәа, иҵаулаӡан џьара зҽыԥхьазкуа цәаныррақәак арҵысуеит... Уарҿыхоит.
Ажәабжь аԥхьара>>
🧡 Ахьыуардын шәақәтәа
Ахаҳә — адунеи ақәлара асимвол. Иахьа уи аиқәҵара абзиа иатәуп, аԥсуаа ҳаӷәӷәара, ҳалша иатәуп. Рнапала игәырӷьааит аус еиҿызкааз, анагӡара иалахәу, ԥхьаҟа иацызҵаша зегьы! Инасыԥуп аҭоурых агәеисыбжь узырҳауа абри еиԥш ахҭысқәа рылаԥшра, иумырдырӡакәа, иҵаулаӡан џьара зҽыԥхьазкуа цәаныррақәак арҵысуеит... Уарҿыхоит.
Ажәабжь аԥхьара>>
Please open Telegram to view this post
VIEW IN TELEGRAM
Please open Telegram to view this post
VIEW IN TELEGRAM
👍21❤3🤔1
Аҟазара адунеи зырлашоз шәахәацк ацыршәеит. Иуана Шамба, ашьац иаӷрымгылоз ауаҩ қьиа, аԥсуа культура аихаҳа-еиҵаҳара зыԥсҭазаара азызкыз, адоуҳа зцыз аҵарауаҩ аҵыхәтәантәи имҩахь днаскьаргоит.
Иуана Сафар-иԥа амилаҭ рҟазара иԥсы алан, инҭырҳәцааны идыруан, ишьа-ида иҭаныҟәон. Еизигеит, ианиҵеит, иагьҭижьит жанрла ибеиоу аԥсуа жәлар рашәақәа (аҭоурыхтә-фырхаҵаратә, аџьатә, аҭацаагаратә, ашәарыцаратә уҳәа). Аԥсуа музыкатә фольклор аҭҵаареи аиқәырхареи шьарда дазааԥсеит. Еиуеиԥшым арҿиаратә коллективқәа напхгара риҭон, шықәсырацәала дирижиорс аус иуан, Аԥсуа театр аҟны ансамбль "Уарада" еиҿкааны иман. 2010-тәи ашықәсқәа раан иусқәа иҽырхаршәаланы Аԥсуаҭҵааратә институт аҿы иколлегацәеи астудентцәеи ашәаҳәашьа дирҵон, аԥсуа ашәақәа бжьырацәала реицҳәашьа, агармониа аҳашьа.
Аԥсны жәлар рџьынџьтәылатә еибашьра далахәын, акультура аусзуҩцәа рыла еиҿкааз арҟәыҵәа адҵаҟаҵаҩс дыҟан. Аԥсны зҽаԥсазтәыз аҟазара аусзуҩ ҳәа ахьӡ ихҵоуп, "Ахьӡ-Аԥша" аорден III аҩаӡара ианашьоуп.
Аԥсадгьыл даԥхеит абаҩхатәра ҷыда злаз ахаҵа. Ҳрыцџьабоит згәы далсыз зегьы. Анцәа иишаз Анцәа дигоит. Џьанаҭ гыларҭас иоуааит!

🙏16
Аҭоурыхтә-фырхаҵаратә ашәақәа ирылџьџьаауеит быжьҩеишьцәа Самахьхәаа змыхәаз, афырҭын еиԥш иаарылагьежьыз асаӡ Кәыџ Капыта иашәагьы. Ажәлар ишьҭырхыз афырхаҵа ихьӡ зхаршалоу адунеи аҿы зегь раасҭа иласу ԥсаатәзаап (сокол сапсан). Уамашәақәа ианаалон ицәаҩа!
Аԥсаа ирхылҿиааз ахатәы хьыӡқәа аԥсшәа иалоуп, иагьмаҷым. Реиҳарак хылҵшьҭрала иаԥсыуа хьыӡқәаҵәҟьоуп, ус анакәха — ижәытәӡоуп. Иахьа акык-ҩбак раамҷыдарахаз ахархәара шрымамгьы, аинтерес рыҵоуп, ҳрыхәаԥшып:
АҲӘСА:
А́ча (Перепелка)
Ӡы́кәыт (Болотная курочка)
Кәа́та (Уточка)
Кәты́бла (Горошинка)
Кәти́а // Кәты́на (Курочка; Куропатка)
Ҟәараса́ (Горлица; Лесная Голубка)
Хьшьы (Ястребица)
Ҵыс // Ҵысна (Птичка)
Хьҵыс (Золотая Птичка)
Ҳәыҳә, Ҭарҳәы́ҳә (Голубушка)
АХАЦӘА:
Баӷы́р (Воробей)
Капы́т (Сапсан)
Уа́рба (Орел)
Ҷы́нҷа (Крапивник)
Кәат (Селезень)
Таԥшь (Неясыть серая) аты́ + аԥшь (букв.: рыжеватая сова)
Аԥстәқәеи аҵиаақәеи ирхылҿиааз ахьӡқәа еиҳагьы ирацәоуп, аха урҭ ҽазны.
#ахьӡқәа #аԥсаатәқәа

👍21❤2
Лыхнашҭа аҽаҩраныҳәа хышхыҵәоит. Аԥсуара аԥсы ҭакны иаазго ҳқыҭақәа рбеиара, рҟазара цәырыргеит иахьа, аҿамаҿа иақәныҳәоит. Ааԥын мышкы иууа ҭагалан мзаны иуԥылоит, игәырӷьачысхааит зегьы! Ԥшӡала иҭазгалаша, ԥшӡала изфаша! 🙏🏻
🧡 Ахьыуардын шәақәтәа
Please open Telegram to view this post
VIEW IN TELEGRAM
Please open Telegram to view this post
VIEW IN TELEGRAM
👍25❤🔥9❤8
This media is not supported in your browser
VIEW IN TELEGRAM
Иахьа Лыхнашҭа ачеиџьыка ду ҟазҵаз, гьамала аныҳәа еиҿызкааз Гәдоуҭа араион ақыҭақәа ҩажәеи Афон ҿыц ақалақьи, иҭабуп! Абри еиԥш ахҭысқәа идыршаҳаҭуеит: ҳкультуреи, ҳбызшәеи ҳареи ҳаизибархоит, адоуҳа аганахьала тәымк ҳахьынҳаларатәы акы ҳазрыцҳаны ҳаҟам! Ҽаанбзиала шәнеилааит зегьы!
Please open Telegram to view this post
VIEW IN TELEGRAM
👍21🔥5❤3❤🔥3
This media is not supported in your browser
VIEW IN TELEGRAM
Ҳашьцәа ашәуаа рымчындыр ҳныҵалап ҭынч. Аҿар асцена иқәԥраауанаҵы, аиҳабацәа гәаартыла асасцәа ирԥылон. Ачеиџьыка змоу иблақәа хтуп.
Асовет аамҭазы Аҟәатәи асахьаҭыхратә ҵараиурҭа иалгаз, знапы ахьы аԥссо Амир Абыџба анапкымҭақәа дрыхцәажәеит, реиҳарак иара ичаԥамҭоуп. Хҩеишьцәа ахьыҟоу рызегь аҟазара рнапы алакуп. Ара иаҳирбаз аҳәа ҟьаҟьа анхараҿы имаҭәахәуп, аԥҳә, амӷ алаурхуеит. Иҳәеит ашәуа ҳәызбақәа зегь рыла аԥсуаа ҳтәқәа ишреиԥшу.
Зурида Ачбаҟәа, хылҵшьҭралагьы ҭеиҭԥшлагьы иаҳкәажәу, лыбла лхаччо абаза чысқәа ирыхьӡу, излыху еиҭалҳәон. Лнапы иқәыргыланы иаалгаз афатәқәа иреиуоуп: ашырӡ ҳалуа ҳалы́уа-хылԥа, аныҳәақәа раан иҟарҵоит, ҳаҭы́ӷ — ҳара ҳамгьал аиуа, ҟальта́ма (хворост), бахсы́ма (ахәыӡ иалху арыжәтә цаҳәцаҳәа), иара убас аҭубар, ауасажьы, акәтыжь, ачашә, ауҭраҭыхқәа. Аишәа аҩычон амшра зцу акаканҵла.
Аҿыц аамҭазы Лыхнашҭа аныҳәа раԥхьаӡа акәны имҩаԥган 1984 шықәсазы, ҳаԥхьаҟа ԥшӡала 40 шықәса ахыҵуеит еиҭахацырку ҳмилаҭ традициа.
Аныҳәаҟынтә инеиҵыху анҵамҭа шәаԥхьар шәылшоит абра>>

👍21❤🔥2
"Агәаарагьы ыҟоуп, агәхьаԥссарагьы"
Хәаса имхы ҭеигалаанӡа аӡынра ихьӡеит. Аҵаа зысыз аԥҳә арҩеит. Ирху ма иҿасҳәап игәахәын Хәаса, анымҩа ҿаиҳәарц далагеит. Аха излаҵааны иҟаз аԥҳә ҵәиуамызт. Знык иҿеиҳәан иԥҵәеит, ҩынтә иҿеиҳәан иԥҵәеит, анымҩа еилыҩырны икаԥсон. Ас данамыхәаӡа икьарахә ааҭиган, анымҩа ахьышьҭаз агәараҳәа деихсит, иԥсы ишьазшәагьы ибеит.
Убри аамҭазы Гаџьа захьӡыз ҽуаҩык дахьааиуаз ари ибон, Хәаса наизҿиҭит: "О, Хәаса! Ус ирласны уабџьар уамыхалан, агәаарагьы ыҟоуп, аха агәхьаԥссарагьы ыҟоуп".😉
Анатоли Аџьынџьал
#аԥсуа_лафқәа
🧡 Ахьыуардын шәақәтәа
Хәаса имхы ҭеигалаанӡа аӡынра ихьӡеит. Аҵаа зысыз аԥҳә арҩеит. Ирху ма иҿасҳәап игәахәын Хәаса, анымҩа ҿаиҳәарц далагеит. Аха излаҵааны иҟаз аԥҳә ҵәиуамызт. Знык иҿеиҳәан иԥҵәеит, ҩынтә иҿеиҳәан иԥҵәеит, анымҩа еилыҩырны икаԥсон. Ас данамыхәаӡа икьарахә ааҭиган, анымҩа ахьышьҭаз агәараҳәа деихсит, иԥсы ишьазшәагьы ибеит.
Убри аамҭазы Гаџьа захьӡыз ҽуаҩык дахьааиуаз ари ибон, Хәаса наизҿиҭит: "О, Хәаса! Ус ирласны уабџьар уамыхалан, агәаарагьы ыҟоуп, аха агәхьаԥссарагьы ыҟоуп".
Анатоли Аџьынџьал
#аԥсуа_лафқәа
Please open Telegram to view this post
VIEW IN TELEGRAM
👍21
Алитератураҭҵааҩ, ауаажәларратә усзуҩ, Аԥсны жәлар рџьынџьтәылатә еибашьра аветеран, Аԥсны зҽаԥсазтәыз аҭҵаарадырра аусзуҩ, Ахьӡ-Аԥша аорден III аҩаӡара занашьоу, Гь. Ӡиӡариа ихьӡ зху аҳәынҭқарратә премиа алауреат Уасил Аҩӡба иахьа 65 шықәса ихыҵит.
Уасил Шамониа-иԥа аибашьраан иқәццышәааз аԥсуаҭҵаара ахәышҭаара ҩаԥхьа ашьара иқәлартә, иӷьацартә аџьабаа ду збаз аҵарауаа рхаҿы дгылоуп. Жәохә шықәса инареиҳаны Д. Гәлиа ихьӡ зху Аԥсуаҭҵааратә институт напхгара аиҭон, уи аусура еиҿикааит, аҩнуҵҟа аҟәша ҿыцқәа ааиртит, адәныҟа ацҳақәа хиҵеит. XXI ашәышықәсазы Кавказ хьӡи-ԥшеи змоу аинститутқәа ируакны иҟалеит иара ихаан.
Уасил Аҩӡба — аенциклопедиатә дырра змоу ҵарауаҩуп, инапы иҵигаз аусумҭақәа ҭышәынтәалоуп, еиқәтәеиқәгылоуп, иара иҟазшьоуп темас ишьҭихуазаалак инҭырҳәцааны аҭҵаара, акы агмыжькәа, узавамло. Алитератураҭҵааразы, иара иааидкыланы аԥсуа ҭоурыхдырразы хәы змаӡам лагалоуп ишәҟәқәа: "Аԥсуа роман", "Аамҭа ашьҭақәа", "Алаԥшҳәаа", ҩ-томкны еидикылаз агазеҭ "Аԥсны" 1919–1921 шш., убас хыԥхьаӡара рацәала астатиақәа, аԥхьажәақәа, ажәахәқәа. Еизганы иҭижьхьеит ашәҟәыҩҩы Мушьни Аҳашба акьыԥхь зымбацыз иҩымҭақәа.
Аԥсны Ашәҟәыҩҩцәа рассоциациа далоуп, ажурнал "Аҟәа-Сухум", агазеҭ "Еҵәаџьаа" аредакторцәа дыруаӡәкуп, Аԥсуа университет аҿы дырҵаҩуп, зегь рыла иҿырԥшыгоу, зышьҭамҭа быбыцк хыршәлам ауаҩы.
Ҽаанбзиала днеилааит! Ҳадунеи, ҳаԥсуара дагымзааит!

👍16❤2