Иацы ҳазлацәажәоз Наԥра-ныха иеиԥшны, ахҿақәа зқәу ахаҳә шьҭаҵоуп Аԥсны амилаҭ гәарԥ аҟны.
Ари аҩыза ахаҳәқәа уԥылон ашьхара реиҳа иахьшәарҭаз аҭыԥқәа рҿы, ашәарыцацәа анцоз-ианаауаз рҟәыхк аихалых аанрыжьуан, ҳаиҳа зымчу дырхылаԥшырц, ашьха алԥха роурц.
Уажәшьҭа дарбанызаалак амилаҭ гәарԥ аҭааҩ лабҿаба ибар илшоит.
Афотоқәа амилаҭтә гәарԥ "Аԥсны" иамҭоуп.
🧡 Ахьыуардын шәақәтәа

Please open Telegram to view this post
VIEW IN TELEGRAM
Please open Telegram to view this post
VIEW IN TELEGRAM
👍11🔥3
Аетнограф Инга Шамԥҳа аԥсуаа ҳҿы аҩыҟаҵара иадҳәалоу аҵасқәа дрылацәажәеит. Илҳәаз зегьы аинтерес ацуп, атезисқәа ааркьаҿны иааҳгоит абра:
🍷Аҩеиқәаҵәа – раԥхьаӡа иргыланы ритуалтә рыжәтәуп, шаҟа ужәыз акәӡам, ишужәыз ауп.
Зегьы иреиҳау аиаҳәа иахьа игылоуп Афон ҿыц амузеи аҟны.
Анышә шкәакәа – белая глина (анкьа рхы зларҿышуаз).
Please open Telegram to view this post
VIEW IN TELEGRAM
👍15🔥2
Тамшь ақыҭан ажәытә қьырсиан ныха еиҭашьақәыргылоуп, адинуаа иахьа ирыԥшьан ҩаԥхьа ашә аадыртит.
Ари аныхабаа шәышықәса раахыс аус ауӡомызт иҳәеит Аԥсны аиашахаҵаратә уахәама ахада Аб Басариан (Аԥлиаа).
Аиҭашьақәыргыларатә усқәа хышықәса имҩаԥысуан Тамшь зџьынџьу Аԥсны Жәлар Реизара адепутат Резо Занҭариа ихарџь ала.
Агәырӷьаратә хҭыс далахәын Тамшь иалҵыз Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа.
Аныхабаа Ацқьа Николаи Аџьашьахәҟаҵаҩ ихьӡ ахуп.
Афото © Тамшь Тамшьаа
🧡 Ахьыуардын шәақәтәа
Ари аныхабаа шәышықәса раахыс аус ауӡомызт иҳәеит Аԥсны аиашахаҵаратә уахәама ахада Аб Басариан (Аԥлиаа).
Аиҭашьақәыргыларатә усқәа хышықәса имҩаԥысуан Тамшь зџьынџьу Аԥсны Жәлар Реизара адепутат Резо Занҭариа ихарџь ала.
Агәырӷьаратә хҭыс далахәын Тамшь иалҵыз Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа.
Аныхабаа Ацқьа Николаи Аџьашьахәҟаҵаҩ ихьӡ ахуп.
Афото © Тамшь Тамшьаа
Please open Telegram to view this post
VIEW IN TELEGRAM
🙏7👏3
Агәыла ицәашьы уҩны арлашоит, агәылеи агәи рҳәоит аԥсуаа. Убас ирацәоуп иҵегь аигәылара иахҳәаау ажәаԥҟа ссирқәа, абиԥарала еимдо иааҳго.
Ари атемала ишәзымдыруа ишәаҳҳәои, аха ашәҟәы ианны уанаԥхьо угәы иазҳауеит, ус ами?
Агәыла дзакәу аазырԥшуа ажәлар рҳәамҭақәеи, агәылара аҵасқәа еилазгоз ишрызныҟәози ртәы инарҭбааны иазааҭгылоуп абра.
🧡 Ахьыуардын шәақәтәа
Ари атемала ишәзымдыруа ишәаҳҳәои, аха ашәҟәы ианны уанаԥхьо угәы иазҳауеит, ус ами?
Агәыла дзакәу аазырԥшуа ажәлар рҳәамҭақәеи, агәылара аҵасқәа еилазгоз ишрызныҟәози ртәы инарҭбааны иазааҭгылоуп абра.
Please open Telegram to view this post
VIEW IN TELEGRAM
Sputnik Аҧсны
"Ицәашьы уҩны арлашоит": аԥсуаа агәыла ишизыҟоу
Агәыла, аигәылацәа реизыҟазаашьа иазкны гәаанагарақәак ҳадылгалоит Аԥсуаҭҵааратә институт афольклортә лабораториа аусзуҩ Сусанна Ҭаниаԥҳа.
❤7👍4🔥3
Шәааи, ацу ҳфахп еиҭа!
Ахшыҩгьы хозаап иумырчозар. Ҳабдуцәа уи рдыруан: бызла аиқәԥара мҩаԥыргон, рыхшыҩ ахәыц агәҭа ааиҟәнаршәартә еиԥш иҵарын.
Шәареи ҳареи аҭакқәа рзы ҳаицәажәахьеит, шәавҵаԥшӡом😉
Иаҳа имариоу ацуфарақәа хыхь иааҳгахьан, изыбмаз шәыҟазар, урҭ рыла шәалага.
⚫️ Сыжәаԥшь хәыҷы ӷдара лмыҳәҳәа.
(аҵыҵындра)
⚫️ Шьапы заҵәы, вара ду.
(аԥҳәаҟәа)
⚫️ Лаџ гәҭынха.
(ахәа)
⚫️ Аҭаацәа рыргәырӷьага, мца рцәага.
(амгьал)
⚫️ Аҳ иеимсқәа ишьырхуеит, аҭаацәа еибаргәырӷьоит.
(аџьма аныршьуа)
⚫️ Нымҩахыҵ шша-мпрыцәк ыларшәуп.
(а́ча)
⚫️ Слаба лакьы ҵлахықәмацәыс.
(алапҟьа)
⚫️ Аҩ иаҩуеит, ах иахуеит, аԥса гәара иҭанаԥсоит.
(аӡлагара)
⚫️ Амхы еиқәа аандаш.
(алуи ашылеи)
⚫️ Гыды-гыды шьап паҟьа.
(агара)
⚫️ Цәеиқәеи цәаԥшьи еивагьежьуеит.
(амцеи ачуани)
⚫️ Суаҩаԥшь хәҷы итәарҭа ҳаскьын ықәиаауам.
(аԥырӷы)
⚫️ Иахьа хәлаанӡа иныҟәоит, ианааилак мацәазк атәарҭа атәарҭоуп.
(алаба)
Ахыҵхырҭа: Мушьни Миқаиа. Тур ихәаа ражәабжьқәа. Аҟәа, 2013.
🧡 Ахьыуардын шәақәтәа
Ахшыҩгьы хозаап иумырчозар. Ҳабдуцәа уи рдыруан: бызла аиқәԥара мҩаԥыргон, рыхшыҩ ахәыц агәҭа ааиҟәнаршәартә еиԥш иҵарын.
Шәареи ҳареи аҭакқәа рзы ҳаицәажәахьеит, шәавҵаԥшӡом
Иаҳа имариоу ацуфарақәа хыхь иааҳгахьан, изыбмаз шәыҟазар, урҭ рыла шәалага.
Please open Telegram to view this post
VIEW IN TELEGRAM
👍11🔥5❤3
Аԥсны акультура аминистрра зметр кьаҿу, ма адокументалтә фильмқәа рконкурс ҳаланаҳәеит. Атема – Аԥсны ахақәиҭра 30 шықәса ахыҵра, ҳхьыԥшымра азхаҵарагьы 15 шықәса ахыҵра.
Аицлабра рхы аладырхәыр рылшоит 18 ирҭысхьоу, аха 45 иреиҳам Аԥсны атәылауаа зегьы. Аалыҵ аԥсышәала ицәажәозароуп, асубтитрқәа урысшәала иацны. Ажанр зеиԥшразаалак ауеит, асценари хыҭхәыцаа аиԥш, алитературатә рҿиамҭа шьаҭас измоугьы ахархәара азин ыҟоуп.
Иреиӷьу асценариқәа 300-300 нызқь мааҭ рзыршәоит. Иҟоуп убасгьы Аԥсны жәлар рџьынџьтәылатә еибашьра аинвалидцәа рфонд агрант – 400 нызқь мааҭ.
Ҳара ҳахәҭаахьала иацаҳҵар ҳҭахуп, Алықьса Гогәуеи Џьума Аҳәбеи аибашьра иазку рыпроза шәазхьаԥшырц, асахьаркыратә знеишьала иааурԥшыр ауеит Таиф Аџьба аибашьраантәи имшынҵагьы "Бзиала иаҳзырша!"
Please open Telegram to view this post
VIEW IN TELEGRAM
Telegram
Ахьыуардын
Ахьыуардын — аԥсуа бызшәеи, аҭоурыхи, акультуреи ирызку апроект ҷыда. Напбзиа-шьапбзиа ахьыуардын дақәтәоуп. Шәҳацла: ахьы хәыҷуп, аха шәкы ицоит, аӡә дышәҩыкны дҳаԥхьаӡоит.
👍11❤1
This media is not supported in your browser
VIEW IN TELEGRAM
Аԥсыӡкыҩцәа реиндаҭлара мҩаԥысит арҭ аԥсшьарамшқәа рзы Кәыдры.
Зынӡа 12 команда алахәын Аԥснынтә, Урыстәыла арегионқәа рҟынтә. Актәи-аҩбатәи аҭыԥқәа москваа иргеит, ахԥатәи – Нхыҵ Уаԥстәыла.
"Ҳасасцәа ргәы ҟаҳҵарц ҳашьҭан, уи азы идырны ҳаҽҳмырӷәӷәеит", – иҳәеит Аԥсны аԥсыӡкыҩцәа рфедерациа ахада Альберт Бондаренко.
Иара иажәақәа рыла, аиԥш зеиԥшу аицлабра еиҿыркаарц ргәы иҭоуп нанҳәамзазы Ҩыԥсара. Усҟан Китаинтә алахәцәагьы раара иазыԥшуп.
Аиндаҭлара амҩаԥгаразы аӡиас иҭарҵеит 2200 хы амлагәыр. Аԥсыӡ иркуаз анырыԥхьаӡалак, ҩаԥхьа аӡы иаларҵон.
📖 Ажәар
Аршә каҭа́, аӡа́аршә – закидная сеть,
Аҵәы́рхәа, аҵәы́рҭ – гарпун
Арқьа́ц (арқьы́ц) – крючок
Аҵәгәы́р – удочка
Аԥсқьа́рра – браконьерство

👍14🏆1
Зҭоурых зхамшҭуа аԥеиԥш имоуп
Ажьырныҳәа 30-31 рзы аԥсуаа ҳиааира дуқәа руакы 490 шықәса ахыҵуеит. 1533 шықәса абарҭ амшқәа рзы Дадианаа напхгара зырҭоз агырқәеи агәыруааи мшынла иӡхыҵны, бџьарла еиқәных, иаалырҟьаны Саӡын иақәлеит. Араҟа усҟан аԥсуа аҳцәа а-Цанбақәеи Иналааи тәан, ртәарҭа аҳҭнықалақь аҵакы аман.
Азныказы аӷа аԥыжәара игеит, аха ҽнак мҵыцкәа аԥсуаа ирықәлаз рӷәыхит. Раԥхьагылацәа аӡәы дыршьит, егьи дрытҟәеит. Ари усҟантәи аамҭазы акырӡа зҵазкуаз ҭоурыхтә хҭысын.
Жәашықәса раԥхьа аҵарауаҩ нага Денис Чачхалиа иаԥшьагарла гәыԥҩык аҿар Ҳашԥсы ацҳа уахьнықәсуа амҩаду ала, ҵлаԥшӡак ашьапаҿы абри атәы зҳәо ашьаҟа адырсит, уи амахә аҿы Аублаа рырхнышьна кнарҳаит, ацәашьқәа былны.
Архнышьна ажәытә сахьа ишану еиԥш иҟаиҵеит ажьи Ҭемыр Ӡиӡариа. Ишыжәбо ала, иара аџьарқәа хԥа амоуп. Аԥсуа ҭауадқәа Аублаа қьырсианын уҳәаратәы иҟоуп.
Афотосахьақәа © Алиас Жьиба

👍15
Еиҿарԥа-еиҿарԥа жәаҩа еиҿарԥа, аахәымбылы жәаҩа шьаҟа.
Ари зыхҳәаау архнышьноуп.
Абызшәа ҭоурыхуп, иагьцаԥхоуп. Уагәылалацыԥхьаӡа иузаатуеит. Иахьа ҳазааҭгылар ҳҭахуп ажәа еихаԥса "архнышьна".
Архны́шьна (бз. ахны́шьыр ) – аԥсуаа ҳҿы аҵак ду змоу, иурӡыр иҟамло ҭаацәаратә реликвиоуп, аишьцәа анеиҿыҵуаз хәҭак-хәҭак ргон, архнышьна еиҩызҵәаз (еиҩызшаз, еиҟәызшаз) ҳәа рзырҳәон. Избан абас изыршьоз ажәытәан, иахьа уажәраанӡагьы? Иаргьы ныхоуп азоуп. Архнышьна – абхазский алтарь.
"Архнышьна ақә ала илеиуеит, акгьы иакьысӡом, ара иуҳәо ажәабжь ишиашоу Анцәа иахь ихалоит, иаразнак иаҳауеит ҳәа иԥхьаӡоуп. Аҭаацәа рыфатә абра амца иахакнаҳаны иҟарҵоит, иара уи алагьы ирыԥшьоит", – иҳәахьан зны аԥсуа бырг, аҟәышдыр Уасил Мхонџьиа.
Аԥсуаа рхәышҭаара ишахӡыӡаауа ажәаԥҟақәа рылагьы иаҳбоит: "Ахәышҭаарагьы ныхоуп", "Ахәышҭаара уанықәгьы, аныха уанықәгьы акоуп", "Ахәышҭаараҿы амца анеиқәымгьы аԥхарра амӡаауам" уҳәа егьырҭгьы.
Ахәышҭаараҿы имҩаԥыргон ижәытәӡатәиу аныҳәарақәа "Ажьаҳареи" "Ашацәеи". Аҭаацәараҿы аӡәы ӷәӷәала дычмазаҩхар архнышьна аҵгара ҟарҵон. Аԥшәма архнышьна кны дқәыр, ииҳәаз ҟалон, иара аҩнаҭа зегь ахьчон. Амҳаџьырраан ажәлар ишҳәыԥкыз атәым дгьыл ахь ианыхҵәоз, рхәышҭаара иаҟәырҷахоу рырхнышьнақәа ргон.
Архнышьна уҳәа, ахнышьыр уҳәа, иаанхоит х-ны-шьа: х- хԥа, ны – Анцәа (аныха), шьа – ашьара (чтить). Иҟалап, Анцәа хԥаны ишьара ҳәа аанагозар (Троица, три ипостаси Бога – Отец, Сын, Святой дух). Аублаа рырхнышьна аџьар ахьану усҟак иџьашьатәымзар?
☝️ Аҩызцәа, ари аетимологиа аҵарауаа рҿы иаҳԥымлаӡеит, иҵабыргуп ҳҳәаӡом, ишьақәырӷәӷәаӡам. Гәаанагароуп.

👍18❤2
🪢 Ажәарыԥхрақәа
Аҵарауаа ҳа ҳтәақәгьы, аҳәаанырцәтәиқәагьы аӡәырҩы ажәа "Анцәа" аҵакы аарԥшра рҽазыршәахьан (Д. Гәлиа, И. Џьавахьишьвили, С. Џьанашьиа, Л. Акаба, Шь. Инал-Иԥа, А. Крылов). Иҟан "ан" (мать) иадызҳәалоз, 1970-тәи ашықәсқәа раан Шьалуа Инал-Иԥа ари агәаанагара даҿагылеит, алогика иацааиуам ҳәа.
Уи иаԥхьагьы Дырмит Гәлиа "Ан" ажәытәӡатәи ацивилизациақәа аметаницәеи аеламцәеи рбызшәахьы ихьаирԥшхьан: Ан – Бог, -цәа арацәа хыԥхьаӡара аазырԥшуа асуффикс (Единый Бог во множестве проявлений). Ан "Анцәа" аҵакы аманы иаҳԥылоит ахетт бызшәаҿгьы.
Иҟалап, аԥхьа иҿиаз ажәа "аны́ха" акәзаргьы – адунеи, аԥсабара, ауаа, зегь шамкәа изшаз идгьылтәым мчык аҳасабала. Ишакәхалакгьы, арҭ ажәақәа рҵакалагьы, рҳәашьалагьы ишеигәыцхәу ҩашьом.
🟠 Аны́ха – Анцәа иахь уахьхоу, уахьныҳәо аҭыԥ: Ан + ахара́ (ориентир, направление);
🟠 Аны́хабаа – храм (укрепленное святилище), аныха + аба́а (крепость);
🟠 Аны́ҳәара – молиться (просить Бога);
🟠 Аны́ҳәа – праздник (славить Бога);
🟠 Архны́шьна – ари атәы ҩажәак рыла иузҳәом, ҳгәаанагара ануп абра.
Аԥсуаа жәытәӡа аахыс иаӡәыку, Зегь Зымчу Анцәа ду дхарҵон, адунеитә дин хадақәа рҿы хьӡык-хьӡык змоу, аха ауаа зегьы еицырзеиԥшу. Убри азакәхап, хаала-мчыла ҳадгьыл аҿы зыжәла каԥсоз ақьырсианрагьы амсылманрагьы рганахьала еснагь ачҳара зыҟаз, изыҟоу иахьагьы.
Ижәдыруеит, аныхатәарҭақәа рҿы ишгылоу ақьырсиан уахәамақәа Елыр, Лыхны. Џьара аныхаԥааҩ дныҳәоит, џьара адинуаҩ, аха изыҳәо аӡә иоуп.
Шәаргьы шәгәаанагара шәҳәар ауеит. Иахьарнахыс ахҳәаақәа рыҟаҵара алшоит.🤗
#ажәарыԥхрақәа
🧡 Ахьыуардын шәақәтәа
Аҵарауаа ҳа ҳтәақәгьы, аҳәаанырцәтәиқәагьы аӡәырҩы ажәа "Анцәа" аҵакы аарԥшра рҽазыршәахьан (Д. Гәлиа, И. Џьавахьишьвили, С. Џьанашьиа, Л. Акаба, Шь. Инал-Иԥа, А. Крылов). Иҟан "ан" (мать) иадызҳәалоз, 1970-тәи ашықәсқәа раан Шьалуа Инал-Иԥа ари агәаанагара даҿагылеит, алогика иацааиуам ҳәа.
Уи иаԥхьагьы Дырмит Гәлиа "Ан" ажәытәӡатәи ацивилизациақәа аметаницәеи аеламцәеи рбызшәахьы ихьаирԥшхьан: Ан – Бог, -цәа арацәа хыԥхьаӡара аазырԥшуа асуффикс (Единый Бог во множестве проявлений). Ан "Анцәа" аҵакы аманы иаҳԥылоит ахетт бызшәаҿгьы.
Иҟалап, аԥхьа иҿиаз ажәа "аны́ха" акәзаргьы – адунеи, аԥсабара, ауаа, зегь шамкәа изшаз идгьылтәым мчык аҳасабала. Ишакәхалакгьы, арҭ ажәақәа рҵакалагьы, рҳәашьалагьы ишеигәыцхәу ҩашьом.
Аԥсуаа жәытәӡа аахыс иаӡәыку, Зегь Зымчу Анцәа ду дхарҵон, адунеитә дин хадақәа рҿы хьӡык-хьӡык змоу, аха ауаа зегьы еицырзеиԥшу. Убри азакәхап, хаала-мчыла ҳадгьыл аҿы зыжәла каԥсоз ақьырсианрагьы амсылманрагьы рганахьала еснагь ачҳара зыҟаз, изыҟоу иахьагьы.
Ижәдыруеит, аныхатәарҭақәа рҿы ишгылоу ақьырсиан уахәамақәа Елыр, Лыхны. Џьара аныхаԥааҩ дныҳәоит, џьара адинуаҩ, аха изыҳәо аӡә иоуп.
Шәаргьы шәгәаанагара шәҳәар ауеит. Иахьарнахыс ахҳәаақәа рыҟаҵара алшоит.
#ажәарыԥхрақәа
Please open Telegram to view this post
VIEW IN TELEGRAM
👍19🙏2
"Шьхацан дықәын ашьхара, шьхыҵын даван агара.
Дадынҵәалон ахьчара, дахьцалакгьы азаҵәра
Ишьҭаԥало ишьҭаӡан,
Абас ахьча дыҟаӡан".
Амшәкәашара иахҭыгәлаз Баграт Шьынқәба ихьча ҳхы дҭагьежьуеит абри анҵамҭа ҳаҩуанаҵы🥲
Хыхь ишаҳҳәахьоу еиԥш, амшә ахьӡ "а́мшәара" аҟынтә иаауеит, аха ашәарах ианахьӡха ашьҭахьгьы даара акыр иҵегь ажәақәа арҿиеит.
Иааҳгоит Владимир Касланӡиа иеиқәиршәаз ажәар аҿы иаҳԥылақәо🐻
Ажьжәлақәа: амшәкаҷы́ҷ, амшәкьа́ҿ, а́мшәыжь
Амшәӡахәа́ – ломонос винограднолистный
Амшәлаҳа́ – дикий инжир
Амшәҳа́ – коровяк густоцветный
Амшәмаахы́р – малина
Амшәҳәаса́ – сорт дикой алычи
Амшәа́ба – медведь; амшәа́ԥс (амшәа́н) – медведица
Амшәҳәы́с – медвежонок,
Амшәҭы́ҩра – берлога
Амшәԥштәы́ла – бурый цвет
Амшәхәы́ – пушок на лице
Амшәхәды́ш – вид медведя
Амшәшша́ – медвежий жир
Амшәқьа́р – сильный как медведь (о человеке)
Амшәкәаша́ра – шуточный абхазский танец (медвежий)
Амшәла́ – собака из породы среднеазиатских овчарок (для охоты на медведя)
Мшәҟәыш – хитрый, лукавый; мышәлаԥы́қәшәа иоуеит – предчувствует, что его ждет
🧡 Ахьыуардын шәақәтәа
Дадынҵәалон ахьчара, дахьцалакгьы азаҵәра
Ишьҭаԥало ишьҭаӡан,
Абас ахьча дыҟаӡан".
Амшәкәашара иахҭыгәлаз Баграт Шьынқәба ихьча ҳхы дҭагьежьуеит абри анҵамҭа ҳаҩуанаҵы
Хыхь ишаҳҳәахьоу еиԥш, амшә ахьӡ "а́мшәара" аҟынтә иаауеит, аха ашәарах ианахьӡха ашьҭахьгьы даара акыр иҵегь ажәақәа арҿиеит.
Иааҳгоит Владимир Касланӡиа иеиқәиршәаз ажәар аҿы иаҳԥылақәо
Ажьжәлақәа: амшәкаҷы́ҷ, амшәкьа́ҿ, а́мшәыжь
Амшәӡахәа́ – ломонос винограднолистный
Амшәлаҳа́ – дикий инжир
Амшәҳа́ – коровяк густоцветный
Амшәмаахы́р – малина
Амшәҳәаса́ – сорт дикой алычи
Амшәа́ба – медведь; амшәа́ԥс (амшәа́н) – медведица
Амшәҳәы́с – медвежонок,
Амшәҭы́ҩра – берлога
Амшәԥштәы́ла – бурый цвет
Амшәхәы́ – пушок на лице
Амшәхәды́ш – вид медведя
Амшәшша́ – медвежий жир
Амшәқьа́р – сильный как медведь (о человеке)
Амшәкәаша́ра – шуточный абхазский танец (медвежий)
Амшәла́ – собака из породы среднеазиатских овчарок (для охоты на медведя)
Мшәҟәыш – хитрый, лукавый; мышәлаԥы́қәшәа иоуеит – предчувствует, что его ждет
Please open Telegram to view this post
VIEW IN TELEGRAM
👍15🔥3❤2
Аиустициа аминистрра хәышықәса рыла Аԥсны еибагази еилыҵызи рхыԥхьаӡара цәырнагеит.
Ари ашәҟәы иҭагалоу мацара роуп, аха иара усгьы уцәа уааҭаӡыӡоит. 2021 шықәсазы 743 ҭаацәара аԥҵан, 208 ԥырган; 2022 рзы – 598 ҭаацәа аԥҵан, 162 ԥырган.
Анкьа ишԥаҟаз, аԥҳәыс ахаҵа дилҵуан инапы шьҭихыр, уи лашьцәа аланагалон, ҩ-жәлак еиӷацәахар ҟалон. Аха ас еиԥш ахымҩаԥгашьа зхы иақәназыргоз даараӡа-даараӡа имаҷын, аԥҳәыс егьа илхароу ыҟазаргьы "илақәа лирбон", уи азхон.
Ахаҵа идырны, еилкааны ԥҳәысс иааигазгьы дкаижьратәы ҭагылазаашьас ухаҿы иааиуа акызаҵәык ауп – "лкалҭ цқьамзар", аха уигьы даараӡа имаҷын ианыҟалоз, уи иаанагоз лыжәла "рылахь ада ԥылҵәеит" акәын, хьымӡӷ дуун, аԥсра аҵкыс еицәан.
Аԥҳәыс ахылҵ данылмоуазгьы лыҩныҟа дмыргьежьыкәа ари аҭагылазаашьа алҵшьақәа ыҟан, аԥҳәыс лхаҭа аҵеи дзаушаз даҽа ҭацак данылԥшаауазгьы убарын. Ари ԥшӡаны, ихааны аҟаҵашьа иақәшәон, ауаажәлар ас ҟазҵаз ирымадырҽхәон, азҳара иатәын, иҟәышран.
Иахьа "ҟазшьала еинымаалеит" уажәшьҭа аӡәгьы иџьаишьаӡом, уи бзиоу-ицәгьоу уара идыр.
Афото © CC0

👍8😢3🤔1
Ахьыуардын
Аиустициа аминистрра хәышықәса рыла Аԥсны еибагази еилыҵызи рхыԥхьаӡара цәырнагеит. Ари ашәҟәы иҭагалоу мацара роуп, аха иара усгьы уцәа уааҭаӡыӡоит. 2021 шықәсазы 743 ҭаацәара аԥҵан, 208 ԥырган; 2022 рзы – 598 ҭаацәа аԥҵан, 162 ԥырган. Анкьа ишԥаҟаз, аԥҳәыс…
"Еилыҵуа еиҳарак 18 шықәса инаркны 30-нӡа зхыҵуа роуп, нас 50 инацны изхыҵуагьы. Ҿыц еибагаз роуп еиҳарак ҳара ҳҿы иааиуа. Зегь ирҳәо акоуп: ҟазшьала ҳаиқәшәаӡом. Аха ҟазшьала еиқәшәарц азы аӡәы ак ичҳароуп, аӡәы ак имаҳазшәа ҟаиҵароуп. Ус анрауҳәалак иргәаԥхаӡом. Ҳара иааиуа зегьы иаразнак рырзаҳал рымаҳхуа џьышәшьома. Заҟаҩы ҳрацәажәаны иҳаргьежьхьоу, заҟаҩгьы рхала иахьхәны иргахьоу...".
Абри лҳәеит Аҟәа ақалақь АҬАР ахылаԥшҩы Наала Шаданиа ҳазҭысыз ашықәс анҵәамҭазы. Лыҿцәажәара шеибгоу шәазыӡырҩыр шәылшоит абра.
🧡 Ахьыуардын шәақәтәа
Абри лҳәеит Аҟәа ақалақь АҬАР ахылаԥшҩы Наала Шаданиа ҳазҭысыз ашықәс анҵәамҭазы. Лыҿцәажәара шеибгоу шәазыӡырҩыр шәылшоит абра.
Please open Telegram to view this post
VIEW IN TELEGRAM
Sputnik Аҧсны
Шаданиаԥҳа: еилыҵуа аҭаацәарақәа рхыԥхьаӡара есышықәса иацлоит
Аҟәа ақалақь АҬАР ахылаԥшҩы Наала Шаданиаԥҳа ашықәс аихшьаала ҟаҵо арадио Sputnik аефир аҿы еиҭалҳәеит ииз раасҭа зыдунеи зыԥсахыз ҩынтә ишеиҳау, иара убас аҭаацәарақәа аԥызҵуа шырацәоугьы еилыҵуа есааира ишызҳауа атәы.
👍9❤🔥2😢1
1887 шықәса ажьырныҳәамзазы аурыс сахьаҭыхыҩ ду Илиа Репин Аԥсны дааны дыҟан, ҳтәыла аԥшӡара ихнахыз дреиуоуп.
Дынхон иара Аҟәа, ҿыц иргылаз асасааирҭа "Ялта" аҟны. Аурыс-аҭырқәа еибашьра еилгеижьҭеи жәашықәса ракәын иҵхьаз усҟан, аҭырқәцәа Аҟәа ианалҵуаз ибылны иқәҵит, ҳаҳҭнықалақь ахәрақәа анын.
Аха иара усгьы Репин аҟәатәи аԥсҭазаара игәаԥхеит, аҟәара даван дыԥшахьырсуа, ауаа драцәажәон. Мамзаргьы амшын агәы дхыԥшыло днатәалон, макьана асқьала дмыргылацызт, аӷбақәа ареид ихгылон, апассаџьырцәа нышьала иааргон.
Убас зны ақалақь дшалаз диԥылеит Аҟәатәи арратә округ аиҳабы иеиҭагаҩс аус зуаз ачынуаҩ Бида Бабал-иԥа Чхамалиа, уи аԥсуа ишиаҭәоу еиԥш, асас иҩныҟа дымҩахигеит. Дынхон иара ихатә ҩнаҿы, Ҷоҷуа имҩеи Амҳаџьырқәа рыԥшаҳәеи ахьеиқәшәо.
Бида Чхамалиа аурыс-аҭырқәа еибашьра далахәын, игәышԥы зегь ҳамҭала ихҟьан. Иаб, иабду уҳәа ихылҵшьҭра жьицәан, ахьӡ-аԥша рыман. Иҷкәын Никәала – Дырмит Гәлиа иҩыза бзиа иакәын. Ихаҭа хԥа-ԥшьба бызшәа идыруан, Гәлиа ашкол данҭалоз аамҭазы ҭырџьманс аусура далагахьан. Бида имаҭа Иуана – Лакоба ихаан Гагра амилициа деиҳабын.
Репин Аҟәа дахьынӡаҟаз Бида Чхамалиа исахьа ҭихит, "Аԥсуа хаҵа ԥшӡа" ҳәа хьӡыс иаман уи аетиуд. Изларҳәо ала, ахҩылаақәа руакы зыҩнаҭаҿы дыҟаз аԥшәма ииҭеит, егьи дахьцоз игеит. Аха уи асахьа иахьа иахьыҟоу уаҩы издырӡом.
Вианор Ԥачлиа излаиҩуа ала, финлиандиатәи ацҳаражәҳәарҭа аусзуҩ иаалхәан лыԥсадгьыл ахь илыманы дцеит, уи аԥхьа Санкт-Петербург цәыргақәҵақәак рҿы ирбақәахьан. Иҟалап иахьа хатәы коллекциак иалазар. Аԥсны иҟаз аекземплиар ҳаибашьраан ибжьаӡит.
Репин акыраамҭа Аԥсны игәы иҭҵәомызт,1889 шықәсазы иҩызак ихь инаишьҭыз ашәҟәаҿы иҩуеит Аҟәа ҩнык аасхәарын, ихарацәоуп акәымзар ҳәа.
Актәи афото аагоуп Анзор Агәмаа ишәҟәы "Старый Сухум" аҟынтә. Аҩбатәи – Репин изку асаит аҟынтә, 1909 шықәса.

👍11❤2
Ҵлак амҵан итәоугьы аӡә дирԥхахьеит.
Ажәа "а-ҩны́" (дом) аԥсуа-адыга бызшәақәа еиҿыҵаанӡа ишьақәгылахьаз еилкаароуп, иаанагогьы "ауаҩы дахьаху" ауп.🏡 Аха иџьашьатәу уи акәӡам.
Абаза бызшәала гIвна (домашний очаг, отчий дом; хижина), адыга бызшәала унэ, аҟабарда унэ (дом, комната). Ари ажәа ҩ-хәҭакны ишьақәгылоуп, актәи -ҩ, -гIв, -у ауаҩы иҟынтә иаауеит, аҩбатәи – асуффикс -ны аҭыԥ аанарԥшуеит, иаҳҳәап: адә-ны, Аԥс-ны, Зыхә-ны, Агыр-ны, Саӡын.
Уажәшьҭа хыхь иааҳгаз ажәаԥҟа змааноу ҳазааип. Аубых бызшәала аҩны ҷа/ҷуа (кIа, кIуа) ҳәа иҟалоит (аԥсшәеи адыга бызшәеи рҿы иҳамоу "аҳаҷа́шь" иақәшәоит, асас дахьнаргоз аҩны - кунацкая), аӷәна́ (агъуна) акәзар, убых бызшәала аҵла (амҿы) аанагоит. Диумезиль иҩуан, арҭ ажәақәа ҵакыла еизааигәазар ауеит ҳәа, аха зегь акоуп еихылҵшьҭраӡам.
Аҵла➡️амҿы➡️амца➡️аԥхарра➡️аҩны.
Аӷәы́ (доска) ҳбызшәа иалоуп, ажәахырҿиааралагьы ихәыдам: ацәарҭа-ӷәы, аҵаҵ-ӷәы, акласс ӷәы, алы-ӷә-ра.
Ахыҵхырҭа: К. С. Шьаҟрыл. Аԥсуа-адыга бызшәақәа шьҭыбжьылеи лексикалеи реишьашәаларақәак. Аҟәа, 1968.

👍9
Ахьыуардын
Ҵлак амҵан итәоугьы аӡә дирԥхахьеит. Ажәа "а-ҩны́" (дом) аԥсуа-адыга бызшәақәа еиҿыҵаанӡа ишьақәгылахьаз еилкаароуп, иаанагогьы "ауаҩы дахьаху" ауп.🏡 Аха иџьашьатәу уи акәӡам. Абаза бызшәала гIвна (домашний очаг, отчий дом; хижина), адыга бызшәала унэ,…
"Аԥсны аԥсуа аҩнқәа хԥа иман. Х-ҩнык змамыз ԥсыуа дыҟамызт. Аҩны шдыргылоз абас ауп: ԥшь-шьаҟак аҵаны, быцала ишышны, ишьыхны иҟан. Агәаҿы, аԥсуа уаџьаҟ рҳәон, ишышны икнаҳан. Иара аҵаҟа амца еиқәын. Ах-ҩнык сыԥхьаӡап: акы – аҭаҳцәа ахьтәо-иахьгыло аҩны, аҩбатәи – аҳаҷашь ахьӡын, асас данааилак дахьдыртәо, ахԥатәи аҭацамҳара акәын", – Ҳәатышь Џьыҳаҭ иҳәамҭоуп, 78 шықәса анихыҵуаз ианылҵеит Нонна Ҭхәазԥҳа, Дузџьа.
Аҳаҷашь зеиԥшраз, нас "аӷы́жәара" закәугьы ртәы заманала иаҳәоит абра.
Аҳаҷашь зеиԥшраз, нас "аӷы́жәара" закәугьы ртәы заманала иаҳәоит абра.
Sputnik Аҧсны
Аҳаҷашь, аҭацамҳара: аԥсуаа рынхашьеи рысасдкылашьеи акәамаҵамақәа
XIX-тәи ашәышықәсазтәи аԥсуа инхашьа ҳазааҭгылозар, усҟантәи аамҭақәа рзы аԥсуа изгылан х-ҩнык: аҭаацәа – ахаҵеи аԥхәыси рыхшареи рыҩны, хазы асас изы идыргылоз аҩны – "аҳаҷашь" зыхьӡаз, нас амҳара, ма аҭацамҳара ҳәа изышьҭаз аҩны.
👍12
Џьал, Хәаџьал, Тҟәарчал, Чхәарҭал еицырзеиԥшу ашьаҭа рымоуп – "џьал", иаанагогьы "хребет" ауп.
Абас иҩуеит Аԥсны атопонимика ҭызҵааз апрофессор Валери Кәарҷиа.
Ажәақәа ахәдаџьал, абӷаџьал ирылоугьы иара уи "џьал" ауп.
Тҟәарчал ахьӡ аԥхьа Ҟәарчџьал акәын иҳәоит аҵарауаҩ, аҟәарч (временная крепость, укрепление, дамба) + џьал, -џь ассимилиациа апроцесс иахҟьаны ибыжьшәеит, нас ишнеиуаз аԥхьа игылоу -т арҳаит.
Ааигәа иҟоуп Аҟәа́рча хәы захьӡу ашьхагьы. Абасала, Аҟәарчаԥан ақыҭа иахьаҵанакуа Аалӡга арымарахьтәи аԥшаҳәала Агәыбедианӡа инеиуа ашьхеибаркыра Ҟәарчџьал ахьӡхар ауан. Ара ажәытәан амҩа ыҟан, иарала уҿынаухар, Нарџьхьоу абааи Бедиатәи аныхабааи урызцоит.
Чхәарҭал – Џьыхәа-р-џьал "Джухский хребет" аҟынтә иаауеит.
Хәаџьал ашьха – хәы+ џьал "гора-хребет" аанагоит.
Please open Telegram to view this post
VIEW IN TELEGRAM
👍15
This media is not supported in your browser
VIEW IN TELEGRAM
"Зныкгьы иаҳмырбаӡакәа асы,
Умҩаслоит, асас еиԥш, лассы.
Суҳәоит, аӡын, сык лашьҭы,
Уаҩҵас шәарыцара сышьҭы!"
(Мушьни Лашәриа "Аӡын")
Ажьырныҳәагьы наҳхысит икаххаа. Иахьатәи амш аҳауаԥхарра +13°С ыҟан☀️
Аха ӡынҵыхә иаҳнарбаргьы ҟалап: уаҵәы инаркны ахьҭақәа ҟалоит рҳәоит аҳауагәаҭаҩцәа. Уахынла -1°С рҟынӡа, ҽынла џьара-џьара ақәабаа-сабаа леиуеит. Аҳаргьқәа цәырганы ишәымаз, иудыруеи🌂
🧡 Ахьыуардын шәақәтәа
Умҩаслоит, асас еиԥш, лассы.
Суҳәоит, аӡын, сык лашьҭы,
Уаҩҵас шәарыцара сышьҭы!"
(Мушьни Лашәриа "Аӡын")
Ажьырныҳәагьы наҳхысит икаххаа. Иахьатәи амш аҳауаԥхарра +13°С ыҟан
Аха ӡынҵыхә иаҳнарбаргьы ҟалап: уаҵәы инаркны ахьҭақәа ҟалоит рҳәоит аҳауагәаҭаҩцәа. Уахынла -1°С рҟынӡа, ҽынла џьара-џьара ақәабаа-сабаа леиуеит. Аҳаргьқәа цәырганы ишәымаз, иудыруеи🌂
Please open Telegram to view this post
VIEW IN TELEGRAM
👍16
Аџьамԥазра ахьӡ иалоу -џь "џьал" иадҳәалаӡам. Ҳгәанала, ари ақыҭа ахьӡ аџьамԥаз аҵиаа аҟынтә иаауеит, ашьамашәыга хкуп, Аџьамԥазра иаанаго – аџьамԥаз иахьазҳауа ҳәа ауп.
Ас ишьақәгылаз атопонимқәа даара ирацәоуп ҳбызшәаҿы: Аара, Ашыцра, Аџьра, Алра, Ахьацара, Ашымҳара, Амӷышра, Амзара, Аԥсара, Аҟармара, Аҷандара уҳәа.
Аџьамԥазра адгьыл рацәаны иаҵанакуеит, уаанӡа хаз қыҭан, иахьа Гәыԥ аҳаблақәа иреиуоуп. Аџьамԥазра диит Аԥсны Жәлар рышәҟәыҩҩы Алықьса Гогәуа. Игылоуп аныхабаақәа ҩба.
UPD: Алықьса Гогәуа иверсиа инақәыршәаны, Аџьамԥазра "аџь амԥан а́зара (ашәарыцара)" аанагоит.
Ажәлар ретимологиа ала, Аџьамԥазра ахьӡ "аџь амԥан аизара" аҟынтә иаауеит.
Please open Telegram to view this post
VIEW IN TELEGRAM
👍9🔥2