Ахьыуардын
1.27K subscribers
1.38K photos
222 videos
1.66K links
Ахьыуардын — аԥсуа бызшәеи, аҭоурыхи, акультуреи ирызку апроект ҷыда. Напбзиа-шьапбзиа ахьыуардын дақәтәоуп. Шәҳацла: ахьы хәыҷуп, аха шәкы ицоит, аӡә дышәҩыкны дҳаԥхьаӡоит.
Download Telegram
Хьӡы игарцоуп ахаҵа дзиуа.

Асовет ар рԥыза, аинрал-леитенант Ҳасан Ҳаразиа диижьҭеи иахьа 115 шықәса ҵуеит.

Аҟәа агәҭа, Аҳәынҭқарратә филармониа азааигәара, ижәбахьазар акәхап, игылоуп Витали Џьениа иаԥиҵаз иара ибаҟа. Х-қалақьк рҟны (Аҟәа, Олонец, Раменское) ҳаҭыр зқәу атәылауаҩ ҳәа ахьӡ ихҵан. Аџьынџьтәылатә Еибашьра ду аан Аиааира ааигәазтәуаз адҵаҟаҵаҩцәа дыруаӡәкуп.

Ҳасан Лагәысҭан-иԥа Аԥсны иҵара анхиркәша хатәгәаԥхарала Ар ҟаԥшь далалеит. Фрунзе ихьӡ зху Академиа далган, 21-тәи ашьха-кавалериатә дивизиа аполкқәа руак аштаб аиҳабыс дарҭеит. 1941 шықәсазы иполк дацны афронт ахь дцеит, ақалақьқәа Жлобин, Гомель, Добруш, Курск, Орел, Мценск, Карсаково уҳәа рыхьчара далахәын, ажәыларақәагьы убас.

Еиуеиԥшым архәҭақәа раԥхьа дгыланы Асовет Еидгылеи Европа атәылақәеи афашистцәа алицон.

Аибашьра ашьҭахьгьы хьыӡла-ԥшала имаҵура иациҵеит. Уралтәи арратә округ адҵаҟаҵаҩ ихаҭыԥуаҩс дыҟан, аинрал-леитенант ичын иманы. Иԥсҭазаара далҵит 1990 шықәсазы.

Ҳасан Ҳаразиа хыԥхьаӡара рацәала амедалқәеи аорденқәеи ианашьоуп: Ленин иорден, Суворов иорден III-тәи аҩаӡара, Аеҵәа Ҟаԥшь, Абираҟ Ҟаԥшь аорденқәа ԥшьба уҳәа убас иҵегь.

Ахыҵхырҭа: Аԥсны акрызҵазкуа арыцхәқәа рамзар. Аҟәа, 2022.

Афото: Раменсктәи ақалақьтә округ апортал аҿы иҳаԥшааит.

🧡 Ахьыуардын шәақәтәа
Please open Telegram to view this post
VIEW IN TELEGRAM
👍13
Бзыԥҭа ашьхеибаркыра мраҭашәаратәи аганахьала 2300 метра иаҳараку Наԥра ашьха ақәцәан иҟоуп Наԥра-ныха. Аҵангәареиԥш еиҿкаау ари аҭыԥ ԥшьа ахҿақәа ахьықәу ҳәа иашьҭоуп.

Ара имҩасуаз ашәарыцацәа, аибашьцәа зегьы рҟәых ахҿа, ахы, аԥараҿырпы, ма аихалых аџьар аанрыжьыр акәын. Уаҩԥсы далакьысыр ҟаломызт. Уахь анеирагьы цәгьан, егьа ибзианы издыруазаргьы авнагон.

Археолог Иури Воронов 1975 шықәсазы абри ашьха ихаланы аныха ҭызҵааз дыруаӡәкуп. Иара ишиҩуа ала, иааидкыланы, аҭыԥ ԥшьа иҭыргахьоу ахҿақәа рхыԥхьаӡара 15 нызқь иреиҳауп – ар дук ирызхаша! Ара иҟан зеиуахкы уҭаху ахҿақәа, акәылӡы маҭәа иалсуазгьы уахь иналаҵаны.

Аԥсуаа XIX ашәышықәсазы иҭҟьо абџьар ҟалаанӡа ахыци ахәымпали рыда иныҟәомызт, ахысраҿы абаза-ачерқьесцәа ирыцназгоз дыҟамызт. XX ашәышықәсанӡагьы ҳабдуцәа ахыци ахәымпали рыла ашьха ӡиасқәа ирҭаз аԥсыӡ ркуан! Убри аҟара иазҟазан.

XI ашәышықәсазы иаԥҵаз аџьамцәа ррыцыртә роман "Висрамиани" аҟны аҭыԥҳа лыԥшӡара иахьахцәажәо ҭыԥк аҿы иҳәоуп абас: "Уи лылаԥыџьқәа аԥсуаа рхыц иаҿшәоз ахҿа иаҩызан" ҳәа.

Ахыҵхырҭа: Ю. Н. Воронов. В мире архитектурных памятников Абхазии. Москва, 1978.

Афото: Ажәытә аԥсуа бџьар хкқәа. Аԥсуа ҳәынҭқарратә музеи аекспозициа.
Марина Барцыц лархив аҟынтә.

🧡 Ахьыуардын шәақәтәа
Please open Telegram to view this post
VIEW IN TELEGRAM
👍13
Афырхы́ – ҩ-ҿык змоу ахҿа, зҿаҭахьа назмыгӡаз иқәшәоит ҳәа иԥхьаӡан (карающая стрела). Иабаҳԥыло?

Актәи афото аҟны ижәбо Аԥсны абанк иҭнажьыз араӡны ԥсар иану асахьоуп: Елыр-ныха, ацә, афырхы. Иҭыҵит 2010 шықәсазы, асахьаҭыхҩы – Баҭал Џьапуа.

Ишдыру еиԥш, Елыр-ныха Гьаргь Ацқьа (Аергь, святой Георгий Победоносец) изкуп, уи дахылаԥшҩуп. Иара ақьырсиан динхаҵараҿы зегь реиҳа иршьо аӡә иоуп, дынхон III-тәи ашәышықәса анҵәамҭазы Аурым Империаҿы.

Аергь – амацәыс, амца, аибашьра рынцәахәы ҳәа иаҳдыруа ақьырсианра иахыршьааз, аҭоурых аҿы иҟаз хаҭароуп. Иара изку Елыр-ныха ргылан XI-тәи ашәышықәсазы.

Аергь дызну аныхачаԥақәа рааигәа аԥсуаа афырхы ықәырҵон. Ари ацқьа иҳәон аӷа ҳаицәыхьча, еибашьра иҟоу рыԥсы еиқәырха ҳәа.

Афырхы икны даарԥшуп VIII-тәи ашәышықәса актәи азбжазы арабцәа иргәаҟны иршьыз ақьырсиан, аԥсилаа раҳ Евстафигьы, избанзар аригьы деибашьҩын, ижәлар ихьчон. Аԥсуаа иаҳхылаԥшуа Ацқьа хьымаҭәала деилаҳәоуп дшаҳаз ҩашьамхаратә (шәахәаԥш 2-тәи афото).

📖 Афырхы (Шьашәы рхы) раԥхьаӡатәи аҵакы – ажҩан иалҟьаз аиха, аметеорит акәын (стрела молний). Аиха анапаҿы аагара шыҟалаз уажәраанӡа ҳалацәажәахьан абра.

🧡 Ахьыуардын шәақәтәа
Please open Telegram to view this post
VIEW IN TELEGRAM
Please open Telegram to view this post
VIEW IN TELEGRAM
👍12
🧩 Ажәахырҿиаара

Абра ижәбоит аԥсшәаҿы "афы́" иахылҿиааз ажәақәа, ретимологиа еилкаауп, хазы ҳазааҭгылаӡом.

Иҟалап, иацҵатәызҭгьы афырҭыни афархьи, аха арҭ ажәақәа рхылҵшьҭра иазку аҭҵаамҭақәа ҳԥыхьамшәеит.

Афырҭы́н (буря) – амшцәгьа бааԥс, аԥшеи ақәеи анеицу, иааԥынразар, ма иԥхынразар идыдуеит-имацәысуеит.

Афа́рхь (хворост) – амцеиҿакыгас иҟоу, афы аҩа иназхьысыз амца анаркуан азы, иахаршаланы хьӡыс иаиузар ауеит.

Афархь еиҭарсу аҵакгьы амоуп, иаҳҳәап даара изгу аӡәы изы "ауаҩ фархь" рҳәоит.

#ажәахырҿиаара

🧡 Ахьыуардын шәақәтәа
Please open Telegram to view this post
VIEW IN TELEGRAM
👍13
Аԥсны Афырхаҵа, аԥхьагыла Руслан Воуба иахьа 60 шықәса ихыҵрын.

Аибашьра ишалагазҵәҟьа мықәаа рыҷкәынцәа дрыхәҭакны аԥсадгьыл ахьчара дазгылеит. Аибашьра адырҩаҽны, нанҳәа 15 рзы, иара игәыԥ аӷа ишьаҟар зҭаз амашьына аԥырырхит. Нанҳәа 28 рзы ақырҭқәа Мықә ианазааигәаха, иҟәыра аҿагылара бзиаӡа аадырԥшит, 40-ҩык ақәылаҩцәа ҭадырхеит.

Руслан Воуба Мрагыларатәи афронт аҿы имҩаԥысуаз арратә операциақәа жәпакы дрылахәын. 1992 шықәса абҵарамзазы архәҭа адҵаҟаҵаҩс дшыҟаз дырхәит. Аха згәи зыԥси цқьоу ахаҳәгьы еиҩисоит ҳәа, ихәра анааӷьа ҩаԥхьа аибашьра адәахьы дхынҳәит, уажәшьҭа абаталион аиҳабык иаҳасабала.

Даҽа ԥыҭрак ашьҭахь аполкгьы даԥызахеит. Аха аиааира абара иразҟы иаламызт. Руслан Сергеи-иԥа гәымшәарыла дҭахоит ԥхынгәы 26, 1993 шықәсазы.

Ахыҵхырҭа: Аԥсны акрызҵазкуа арыцхәқәа рамзар. Аҟәа, 2022.

🧡 Ахьыуардын шәақәтәа
Please open Telegram to view this post
VIEW IN TELEGRAM
🙏9👍5
Аԥсны амилаҭ гәарԥ аҟны ахаҳәгәара зҿыкәыршоу ажәытәӡатәи адамра (адольмен) дыргылеит.

Акомпозициа уахьахәаԥшуа акыр зқьышықәса зхыҵуа аҿырԥшқәа иузреиҩдраауам, гыларалагьы, излыху ахаҳәгьы зегьы аҭоурыхтә ҵабырг иашьашәалоит. Абри атәы лҳәеит амилаҭ гәарԥ амузеи аиҳабы Илона Кәыҵниаԥҳа.

Аҳаш дуқәа Ешыра иҵхын, анаҩс Баҭал Џьапуа иҭихыз ахсаала инақәыршәаны, аус рыдырулеит краснодартәи аҟазацәа. Ахаҳә рцәит, идражәит, иақәнагоу асахьа шьҭнахырц. Адольмен ауреи аҭбаареи хԥа-хԥа метр инаӡоит, агылара – 1,5 метрак рҟынӡа.

Иахьазы аиԥш зеиԥшу, ахаҳәгәара зкәыршоу адольмен Аԥсны иахьеиқәхаз Оҭҳара ақыҭан ауп. Ас иҟоу адамра ауаа дуқәа рыбаҩ ҭарҵон, аԥсы ицәеи ибаҩи анеилыҵлак ашьҭахь. Адольментә культура аҿиара ҳера ҟалаанӡа III-II азқьышықәсақәа рахь иаҵанакуеит, абжьара-џьазтә шәышықәса аамҭа.

Адольменқәа – ҳаԥсадгьыл аҿы зегь реиҳа ижәытәу архитектуратә баҟақәоуп. Мраҭашәаратәи Кавказ иахьаҵанакуа ҩ-нызқь цыра инареиҳаны иԥшаан, Аԥсны мацара – 80 рҟынӡа, зегьы иреиҳауп Азанҭатәи.

Афотосахьақәа Аԥсны амилаҭ гәарԥ аусзуҩцәа иаҳзаарышьҭит.

🧡 Ахьыуардын шәақәтәа
Please open Telegram to view this post
VIEW IN TELEGRAM
Please open Telegram to view this post
VIEW IN TELEGRAM
👍11
Иацы ҳазлацәажәоз Наԥра-ныха иеиԥшны, ахҿақәа зқәу ахаҳә шьҭаҵоуп Аԥсны амилаҭ гәарԥ аҟны.

Ари аҩыза ахаҳәқәа уԥылон ашьхара реиҳа иахьшәарҭаз аҭыԥқәа рҿы, ашәарыцацәа анцоз-ианаауаз рҟәыхк аихалых аанрыжьуан, ҳаиҳа зымчу дырхылаԥшырц, ашьха алԥха роурц.

Уажәшьҭа дарбанызаалак амилаҭ гәарԥ аҭааҩ лабҿаба ибар илшоит.

Афотоқәа амилаҭтә гәарԥ "Аԥсны" иамҭоуп.

🧡 Ахьыуардын шәақәтәа
Please open Telegram to view this post
VIEW IN TELEGRAM
Please open Telegram to view this post
VIEW IN TELEGRAM
👍11🔥3
🍷 Арыжәтә зымжәыз дыгәнаҳауп, иашьыз – еиҳагьы.

Аетнограф Инга Шамԥҳа аԥсуаа ҳҿы аҩыҟаҵара иадҳәалоу аҵасқәа дрылацәажәеит. Илҳәаз зегьы аинтерес ацуп, атезисқәа ааркьаҿны иааҳгоит абра:

🍇 Аԥсуа ажьхкқәа 60 инареиҳаны рыхьӡ ҭҵааны иҟоуп, аха ианыӡаауа иалагеит атәымжәлақәа анаарга.

🍇 Амлахәы́р – ажәытәӡатәи ажьжәла агәаӷь Бамбора ирбаз аҳаԥшьа иҭан.

🍇 Аԥшьдәаны иаадрыхуан шәкы инареиҳаны ажьхкқәа, 90-тәи ашықәсқәа раан аԥхасҭа роуит, ихырҵәеит.

🍇 Аҳаԥшьа иҭарҭәо аҩы ашьақар амамзароуп, иреиӷьу ажьымжәақәа ирылхзароуп.

🍇 Аирыӡгьы аҳаԥшьеиԥш анышәаԥшь иалхуп, аҩы ануталакгьы акыраамҭа ихьшәашәаны иаанхарц, агьама еицамкырц азы.

🍷Аҩеиқәаҵәа – раԥхьаӡа иргыланы ритуалтә рыжәтәуп, шаҟа ужәыз акәӡам, ишужәыз ауп.

🌳Аиаҳәа ашәҵла иалырхуан, агәыцә аҭыгара иаҳа имариоуп ҳәа. Иҟоуп хә-метрак иауыз, метраки-бжаки иҵаулаз аиаҳәақәа.

Зегьы иреиҳау аиаҳәа иахьа игылоуп Афон ҿыц амузеи аҟны.

📖 Анышәаԥшь – красная глина
Анышә шкәакәа – белая глина (анкьа рхы зларҿышуаз).

🧡 Ахьыуардын шәақәтәа
Please open Telegram to view this post
VIEW IN TELEGRAM
👍15🔥2
Тамшь ақыҭан ажәытә қьырсиан ныха еиҭашьақәыргылоуп, адинуаа иахьа ирыԥшьан ҩаԥхьа ашә аадыртит.

Ари аныхабаа шәышықәса раахыс аус ауӡомызт иҳәеит Аԥсны аиашахаҵаратә уахәама ахада Аб Басариан (Аԥлиаа).

Аиҭашьақәыргыларатә усқәа хышықәса имҩаԥысуан Тамшь зџьынџьу Аԥсны Жәлар Реизара адепутат Резо Занҭариа ихарџь ала.

Агәырӷьаратә хҭыс далахәын Тамшь иалҵыз Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа.

Аныхабаа Ацқьа Николаи Аџьашьахәҟаҵаҩ ихьӡ ахуп.

Афото © Тамшь Тамшьаа

🧡 Ахьыуардын шәақәтәа
Please open Telegram to view this post
VIEW IN TELEGRAM
🙏7👏3
Агәыла ицәашьы уҩны арлашоит, агәылеи агәи рҳәоит аԥсуаа. Убас ирацәоуп иҵегь аигәылара иахҳәаау ажәаԥҟа ссирқәа, абиԥарала еимдо иааҳго.

Ари атемала ишәзымдыруа ишәаҳҳәои, аха ашәҟәы ианны уанаԥхьо угәы иазҳауеит, ус ами?

Агәыла дзакәу аазырԥшуа ажәлар рҳәамҭақәеи, агәылара аҵасқәа еилазгоз ишрызныҟәози ртәы инарҭбааны иазааҭгылоуп абра.

🧡 Ахьыуардын шәақәтәа
Please open Telegram to view this post
VIEW IN TELEGRAM
7👍4🔥3
Шәааи, ацу ҳфахп еиҭа!

Ахшыҩгьы хозаап иумырчозар. Ҳабдуцәа уи рдыруан: бызла аиқәԥара мҩаԥыргон, рыхшыҩ ахәыц агәҭа ааиҟәнаршәартә еиԥш иҵарын.

Шәареи ҳареи аҭакқәа рзы ҳаицәажәахьеит, шәавҵаԥшӡом😉

Иаҳа имариоу ацуфарақәа хыхь иааҳгахьан, изыбмаз шәыҟазар, урҭ рыла шәалага.

⚫️Сыжәаԥшь хәыҷы ӷдара лмыҳәҳәа.
(аҵыҵындра)

⚫️Шьапы заҵәы, вара ду.
(аԥҳәаҟәа)

⚫️Лаџ гәҭынха.
(ахәа)

⚫️Аҭаацәа рыргәырӷьага, мца рцәага.
(амгьал)

⚫️Аҳ иеимсқәа ишьырхуеит, аҭаацәа еибаргәырӷьоит.
(аџьма аныршьуа)

⚫️Нымҩахыҵ шша-мпрыцәк ыларшәуп.
(а́ча)

⚫️Слаба лакьы ҵлахықәмацәыс.
(алапҟьа)

⚫️Аҩ иаҩуеит, ах иахуеит, аԥса гәара иҭанаԥсоит.
(аӡлагара)

⚫️Амхы еиқәа аандаш.
(алуи ашылеи)

⚫️Гыды-гыды шьап паҟьа.
(агара)

⚫️Цәеиқәеи цәаԥшьи еивагьежьуеит.
(амцеи ачуани)

⚫️Суаҩаԥшь хәҷы итәарҭа ҳаскьын ықәиаауам.
(аԥырӷы)

⚫️Иахьа хәлаанӡа иныҟәоит, ианааилак мацәазк атәарҭа атәарҭоуп.
(алаба)

Ахыҵхырҭа: Мушьни Миқаиа. Тур ихәаа ражәабжьқәа. Аҟәа, 2013.

🧡 Ахьыуардын шәақәтәа
Please open Telegram to view this post
VIEW IN TELEGRAM
👍11🔥53
🎬 Акинематограф иазҟазоу шәыҟоума?

Аԥсны акультура аминистрра зметр кьаҿу, ма адокументалтә фильмқәа рконкурс ҳаланаҳәеит. Атема – Аԥсны ахақәиҭра 30 шықәса ахыҵра, ҳхьыԥшымра азхаҵарагьы 15 шықәса ахыҵра.

Аицлабра рхы аладырхәыр рылшоит 18 ирҭысхьоу, аха 45 иреиҳам Аԥсны атәылауаа зегьы. Аалыҵ аԥсышәала ицәажәозароуп, асубтитрқәа урысшәала иацны. Ажанр зеиԥшразаалак ауеит, асценари хыҭхәыцаа аиԥш, алитературатә рҿиамҭа шьаҭас измоугьы ахархәара азин ыҟоуп.

Иреиӷьу асценариқәа 300-300 нызқь мааҭ рзыршәоит. Иҟоуп убасгьы Аԥсны жәлар рџьынџьтәылатә еибашьра аинвалидцәа рфонд агрант – 400 нызқь мааҭ.

✍️ Ажәакала, акы зҷышәуа зегьы ишәабжьаҳгоит шәхы ԥышәшәарц, уҽыззыукуа аҽузнакуеит. Асценари алаҵатәуп жәабран 27 рҟынӡа, иреиӷьу алыркаауеит лаҵара 10 рзы. Афильм ҭыхны еиқәыршәаны ирыҭатәуп цәыббра 5-нӡа.

Ҳара ҳахәҭаахьала иацаҳҵар ҳҭахуп, Алықьса Гогәуеи Џьума Аҳәбеи аибашьра иазку рыпроза шәазхьаԥшырц, асахьаркыратә знеишьала иааурԥшыр ауеит Таиф Аџьба аибашьраантәи имшынҵагьы "Бзиала иаҳзырша!"

🧡 Ахьыуардын шәақәтәа
Please open Telegram to view this post
VIEW IN TELEGRAM
👍111
This media is not supported in your browser
VIEW IN TELEGRAM
Аԥсыӡкыҩцәа реиндаҭлара мҩаԥысит арҭ аԥсшьарамшқәа рзы Кәыдры.

Зынӡа 12 команда алахәын Аԥснынтә, Урыстәыла арегионқәа рҟынтә. Актәи-аҩбатәи аҭыԥқәа москваа иргеит, ахԥатәи – Нхыҵ Уаԥстәыла.

"Ҳасасцәа ргәы ҟаҳҵарц ҳашьҭан, уи азы идырны ҳаҽҳмырӷәӷәеит", – иҳәеит Аԥсны аԥсыӡкыҩцәа рфедерациа ахада Альберт Бондаренко.

Иара иажәақәа рыла, аиԥш зеиԥшу аицлабра еиҿыркаарц ргәы иҭоуп нанҳәамзазы Ҩыԥсара. Усҟан Китаинтә алахәцәагьы раара иазыԥшуп.

Аиндаҭлара амҩаԥгаразы аӡиас иҭарҵеит 2200 хы амлагәыр. Аԥсыӡ иркуаз анырыԥхьаӡалак, ҩаԥхьа аӡы иаларҵон.

📖 Ажәар

Аршә каҭа́, аӡа́аршә
– закидная сеть,
Аҵәы́рхәа, аҵәы́рҭ – гарпун
Арқьа́ц (арқьы́ц) – крючок
Аҵәгәы́р – удочка
Аԥсқьа́рра – браконьерство

🧡 Ахьыуардын шәақәтәа
Please open Telegram to view this post
VIEW IN TELEGRAM
👍14🏆1
Зҭоурых зхамшҭуа аԥеиԥш имоуп

Ажьырныҳәа 30-31 рзы аԥсуаа ҳиааира дуқәа руакы 490 шықәса ахыҵуеит. 1533 шықәса абарҭ амшқәа рзы Дадианаа напхгара зырҭоз агырқәеи агәыруааи мшынла иӡхыҵны, бџьарла еиқәных, иаалырҟьаны Саӡын иақәлеит. Араҟа усҟан аԥсуа аҳцәа а-Цанбақәеи Иналааи тәан, ртәарҭа аҳҭнықалақь аҵакы аман.

Азныказы аӷа аԥыжәара игеит, аха ҽнак мҵыцкәа аԥсуаа ирықәлаз рӷәыхит. Раԥхьагылацәа аӡәы дыршьит, егьи дрытҟәеит. Ари усҟантәи аамҭазы акырӡа зҵазкуаз ҭоурыхтә хҭысын.

Жәашықәса раԥхьа аҵарауаҩ нага Денис Чачхалиа иаԥшьагарла гәыԥҩык аҿар Ҳашԥсы ацҳа уахьнықәсуа амҩаду ала, ҵлаԥшӡак ашьапаҿы абри атәы зҳәо ашьаҟа адырсит, уи амахә аҿы Аублаа рырхнышьна кнарҳаит, ацәашьқәа былны.

Архнышьна ажәытә сахьа ишану еиԥш иҟаиҵеит ажьи Ҭемыр Ӡиӡариа. Ишыжәбо ала, иара аџьарқәа хԥа амоуп. Аԥсуа ҭауадқәа Аублаа қьырсианын уҳәаратәы иҟоуп.

Афотосахьақәа © Алиас Жьиба

🧡Ахьыуардын шәақәтәа
Please open Telegram to view this post
VIEW IN TELEGRAM
Please open Telegram to view this post
VIEW IN TELEGRAM
👍15
Еиҿарԥа-еиҿарԥа жәаҩа еиҿарԥа, аахәымбылы жәаҩа шьаҟа.

Ари зыхҳәаау архнышьноуп.

Абызшәа ҭоурыхуп, иагьцаԥхоуп. Уагәылалацыԥхьаӡа иузаатуеит. Иахьа ҳазааҭгылар ҳҭахуп ажәа еихаԥса "архнышьна".

Архны́шьна (бз. ахны́шьыр ) – аԥсуаа ҳҿы аҵак ду змоу, иурӡыр иҟамло ҭаацәаратә реликвиоуп, аишьцәа анеиҿыҵуаз хәҭак-хәҭак ргон, архнышьна еиҩызҵәаз (еиҩызшаз, еиҟәызшаз) ҳәа рзырҳәон. Избан абас изыршьоз ажәытәан, иахьа уажәраанӡагьы? Иаргьы ныхоуп азоуп. Архнышьна – абхазский алтарь.

"Архнышьна ақә ала илеиуеит, акгьы иакьысӡом, ара иуҳәо ажәабжь ишиашоу Анцәа иахь ихалоит, иаразнак иаҳауеит ҳәа иԥхьаӡоуп. Аҭаацәа рыфатә абра амца иахакнаҳаны иҟарҵоит, иара уи алагьы ирыԥшьоит", – иҳәахьан зны аԥсуа бырг, аҟәышдыр Уасил Мхонџьиа.

Аԥсуаа рхәышҭаара ишахӡыӡаауа ажәаԥҟақәа рылагьы иаҳбоит: "Ахәышҭаарагьы ныхоуп", "Ахәышҭаара уанықәгьы, аныха уанықәгьы акоуп", "Ахәышҭаараҿы амца анеиқәымгьы аԥхарра амӡаауам" уҳәа егьырҭгьы.

Ахәышҭаараҿы имҩаԥыргон ижәытәӡатәиу аныҳәарақәа "Ажьаҳареи" "Ашацәеи". Аҭаацәараҿы аӡәы ӷәӷәала дычмазаҩхар архнышьна аҵгара ҟарҵон. Аԥшәма архнышьна кны дқәыр, ииҳәаз ҟалон, иара аҩнаҭа зегь ахьчон. Амҳаџьырраан ажәлар ишҳәыԥкыз атәым дгьыл ахь ианыхҵәоз, рхәышҭаара иаҟәырҷахоу рырхнышьнақәа ргон.

Архнышьна уҳәа, ахнышьыр уҳәа, иаанхоит х-ны-шьа: х- хԥа, ны – Анцәа (аныха), шьа – ашьара (чтить). Иҟалап, Анцәа хԥаны ишьара ҳәа аанагозар (Троица, три ипостаси Бога – Отец, Сын, Святой дух). Аублаа рырхнышьна аџьар ахьану усҟак иџьашьатәымзар?

☝️Аҩызцәа, ари аетимологиа аҵарауаа рҿы иаҳԥымлаӡеит, иҵабыргуп ҳҳәаӡом, ишьақәырӷәӷәаӡам. Гәаанагароуп.

🧡 Ахьыуардын шәақәтәа
Please open Telegram to view this post
VIEW IN TELEGRAM
👍182
🪢 Ажәарыԥхрақәа

Аҵарауаа ҳа ҳтәақәгьы, аҳәаанырцәтәиқәагьы аӡәырҩы ажәа "Анцәа" аҵакы аарԥшра рҽазыршәахьан (Д. Гәлиа, И. Џьавахьишьвили, С. Џьанашьиа, Л. Акаба, Шь. Инал-Иԥа, А. Крылов). Иҟан "ан" (мать) иадызҳәалоз, 1970-тәи ашықәсқәа раан Шьалуа Инал-Иԥа ари агәаанагара даҿагылеит, алогика иацааиуам ҳәа.

Уи иаԥхьагьы Дырмит Гәлиа "Ан" ажәытәӡатәи ацивилизациақәа аметаницәеи аеламцәеи рбызшәахьы ихьаирԥшхьан: Ан – Бог, -цәа арацәа хыԥхьаӡара аазырԥшуа асуффикс (Единый Бог во множестве проявлений). Ан "Анцәа" аҵакы аманы иаҳԥылоит ахетт бызшәаҿгьы.

Иҟалап, аԥхьа иҿиаз ажәа "аны́ха" акәзаргьы – адунеи, аԥсабара, ауаа, зегь шамкәа изшаз идгьылтәым мчык аҳасабала. Ишакәхалакгьы, арҭ ажәақәа рҵакалагьы, рҳәашьалагьы ишеигәыцхәу ҩашьом.

🟠 Аны́ха – Анцәа иахь уахьхоу, уахьныҳәо аҭыԥ: Ан + ахара́ (ориентир, направление);

🟠 Аны́хабаа – храм (укрепленное святилище), аныха + аба́а (крепость);

🟠 Аны́ҳәара – молиться (просить Бога);

🟠 Аны́ҳәа – праздник (славить Бога);

🟠 Архны́шьна – ари атәы ҩажәак рыла иузҳәом, ҳгәаанагара ануп абра.

Аԥсуаа жәытәӡа аахыс иаӡәыку, Зегь Зымчу Анцәа ду дхарҵон, адунеитә дин хадақәа рҿы хьӡык-хьӡык змоу, аха ауаа зегьы еицырзеиԥшу. Убри азакәхап, хаала-мчыла ҳадгьыл аҿы зыжәла каԥсоз ақьырсианрагьы амсылманрагьы рганахьала еснагь ачҳара зыҟаз, изыҟоу иахьагьы.

Ижәдыруеит, аныхатәарҭақәа рҿы ишгылоу ақьырсиан уахәамақәа Елыр, Лыхны. Џьара аныхаԥааҩ дныҳәоит, џьара адинуаҩ, аха изыҳәо аӡә иоуп.

Шәаргьы шәгәаанагара шәҳәар ауеит. Иахьарнахыс ахҳәаақәа рыҟаҵара алшоит. 🤗

#ажәарыԥхрақәа

🧡 Ахьыуардын шәақәтәа
Please open Telegram to view this post
VIEW IN TELEGRAM
👍19🙏2
"Шьхацан дықәын ашьхара, шьхыҵын даван агара.
Дадынҵәалон ахьчара, дахьцалакгьы азаҵәра
Ишьҭаԥало ишьҭаӡан,
Абас ахьча дыҟаӡан".

Амшәкәашара иахҭыгәлаз Баграт Шьынқәба ихьча ҳхы дҭагьежьуеит абри анҵамҭа ҳаҩуанаҵы 🥲

Хыхь ишаҳҳәахьоу еиԥш, амшә ахьӡ "а́мшәара" аҟынтә иаауеит, аха ашәарах ианахьӡха ашьҭахьгьы даара акыр иҵегь ажәақәа арҿиеит.

Иааҳгоит Владимир Касланӡиа иеиқәиршәаз ажәар аҿы иаҳԥылақәо🐻

Ажьжәлақәа: амшәкаҷы́ҷ, амшәкьа́ҿ, а́мшәыжь

Амшәӡахәа́ – ломонос винограднолистный
Амшәлаҳа́ – дикий инжир
Амшәҳа́ – коровяк густоцветный
Амшәмаахы́р – малина
Амшәҳәаса́ – сорт дикой алычи

Амшәа́ба – медведь; амшәа́ԥс (амшәа́н) – медведица
Амшәҳәы́с – медвежонок,
Амшәҭы́ҩра – берлога
Амшәԥштәы́ла – бурый цвет
Амшәхәы́ – пушок на лице
Амшәхәды́ш – вид медведя
Амшәшша́ – медвежий жир

Амшәқьа́р – сильный как медведь (о человеке)
Амшәкәаша́ра – шуточный абхазский танец (медвежий)
Амшәла́ – собака из породы среднеазиатских овчарок (для охоты на медведя)
Мшәҟәыш – хитрый, лукавый; мышәлаԥы́қәшәа иоуеит – предчувствует, что его ждет

🧡 Ахьыуардын шәақәтәа
Please open Telegram to view this post
VIEW IN TELEGRAM
👍15🔥32
Аиустициа аминистрра хәышықәса рыла Аԥсны еибагази еилыҵызи рхыԥхьаӡара цәырнагеит.

Ари ашәҟәы иҭагалоу мацара роуп, аха иара усгьы уцәа уааҭаӡыӡоит. 2021 шықәсазы 743 ҭаацәара аԥҵан, 208 ԥырган; 2022 рзы – 598 ҭаацәа аԥҵан, 162 ԥырган.

Анкьа ишԥаҟаз, аԥҳәыс ахаҵа дилҵуан инапы шьҭихыр, уи лашьцәа аланагалон, ҩ-жәлак еиӷацәахар ҟалон. Аха ас еиԥш ахымҩаԥгашьа зхы иақәназыргоз даараӡа-даараӡа имаҷын, аԥҳәыс егьа илхароу ыҟазаргьы "илақәа лирбон", уи азхон.

Ахаҵа идырны, еилкааны ԥҳәысс иааигазгьы дкаижьратәы ҭагылазаашьас ухаҿы иааиуа акызаҵәык ауп – "лкалҭ цқьамзар", аха уигьы даараӡа имаҷын ианыҟалоз, уи иаанагоз лыжәла "рылахь ада ԥылҵәеит" акәын, хьымӡӷ дуун, аԥсра аҵкыс еицәан.

Аԥҳәыс ахылҵ данылмоуазгьы лыҩныҟа дмыргьежьыкәа ари аҭагылазаашьа алҵшьақәа ыҟан, аԥҳәыс лхаҭа аҵеи дзаушаз даҽа ҭацак данылԥшаауазгьы убарын. Ари ԥшӡаны, ихааны аҟаҵашьа иақәшәон, ауаажәлар ас ҟазҵаз ирымадырҽхәон, азҳара иатәын, иҟәышран.

Иахьа "ҟазшьала еинымаалеит" уажәшьҭа аӡәгьы иџьаишьаӡом, уи бзиоу-ицәгьоу уара идыр.

Афото © CC0

🧡 Ахьыуардын шәақәтәа
Please open Telegram to view this post
VIEW IN TELEGRAM
👍8😢3🤔1