Ахьыуардын
1.26K subscribers
1.38K photos
220 videos
1.66K links
Ахьыуардын — аԥсуа бызшәеи, аҭоурыхи, акультуреи ирызку апроект ҷыда. Напбзиа-шьапбзиа ахьыуардын дақәтәоуп. Шәҳацла: ахьы хәыҷуп, аха шәкы ицоит, аӡә дышәҩыкны дҳаԥхьаӡоит.
Download Telegram
Ахьыуардын
"Исгәаԥхоит уҟазшьа, Алым уеиԥшуп уанықәԥо, Уара уҩыза аҩыза Сара еснагь дысҭахын..." Апоет, ашәаԥҵаҩ, аибашьҩы Аркади Кархалаа иахьа дҳалагылазҭгьы 60 шықәса ихыҵуазаарын. Анцәа абаҩхатәра анишоз Гәыԥаа рҵеи изы дамеигӡеит, ихышхыҵәо илан. Ашкол дышҭаз…
Апоетҵәҟьа ицәаҳәак алагьы дудыруеит. Шәахәаԥш, шаҟа икәеикәеиуа Аркади Кархалаа илирика, "Хьыбла" захьӡу, ақәыԥшра ацәа хаа зхоу иаԥҵамҭаҿы. Иааҳгоит 2014 шықәсазы иҭыҵыз абзиабаратә жәеинраалақәа реизга "Бызбоит, бызбоит, бзиа бызбоит" аҟынтә.

Сара сцасҳәа акыркыр быччоит,
Бара бтәала са сыбжьо џьыбшьоит.
Хычча-хәмарра шьҭа иазхоит, баҟәыҵ,
Са издыруеит сшалоу ба быԥхыӡ.

Цасҳәа сбымбаӡоушәа ҟабымҵан,
Аха мап, ибысҭаӡом гәыбӷан.
Усҭахӡам ҳәа бҳәаргьы быгәра згом,
Ба ибызӡаргьы былақәа ируӡом.

Хьыбла, сышәҭ еинаала, иалоу са сразҟы,
Қәыԥшроуп сгәаҵа иҭала, бааи, бнапы сыркы.

Хьыбла, бсахьа еинаала сҿаԥхьа еикәаԥхоит,
Схьаҵуам ус мариала, зегь акоуп быстәхоит.

🧡 Ахьыуардын шәақәтәа
Please open Telegram to view this post
VIEW IN TELEGRAM
9👍2
📌 Ажәа бзиоуп

Аԥсы́быб
– аԥша ишьҭнаԥаауа аӡы ацыԥхь ссақәа (водяная пыль)

Асахьаҿы: Аԥсны иреиҳаӡоу аӡхыҽҽа Адауы
(Хәаџьал), Тҟәарчал араион, шә-метрак иахьаҳраку ихшәаны илеиуеит.

#ажәа_бзиоуп

🧡 Ахьыуардын шәақәтәа
Please open Telegram to view this post
VIEW IN TELEGRAM
👍92😍1
Ахьыуардын
📌 Ажәа бзиоуп Аԥсы́быб – аԥша ишьҭнаԥаауа аӡы ацыԥхь ссақәа (водяная пыль) Асахьаҿы: Аԥсны иреиҳаӡоу аӡхыҽҽа Адауы (Хәаџьал), Тҟәарчал араион, шә-метрак иахьаҳраку ихшәаны илеиуеит. #ажәа_бзиоуп 🧡 Ахьыуардын шәақәтәа
Ҳаԥхьаҩ ихаҵкы, Хәаџьал ихыҽҽаны илеиуа абри аӡы ахьӡ ҳаҵаиҳәеит: Ахәыӡга. Аҵакы иахьалацәажәо акгьы ҳзымԥшаацт, аха ашьаҭаҿы иҳамоу "ахәыӡ" (просо) акәзар, даара аинтерес аҵоуп. Избанзар Дәрыԥшь, Ебырныха аҳаблан иҟоуп убасҵәҟьа хьӡы ссирк зху аӡыхь: Ашырӡы́хь (Арқәа иҵыҵуеит, Дахәара иалалоит).

Ари аӡыхь ахьӡ шаиуз ҳәа еиҭарҳәо ажәабжь аниҵахьан абызшәадырҩы Валери Кәарҷиа, иаагоуп "Аԥсны атопонимика" захьӡу ишәҟәаҿы.

"Арӡынаа ашәуак дӷьычны аҩныҟа дааргеит. Ауха, аӡы агьама аниба – ари Нхыҵынтәи иаауеит, ҳӡыхь ауп иҳәеит. Доурышьҭын Нхыҵ данца ашырӡи ахәыӡи ҭеиԥсан ара икылангеит. Убри иныркны Ашырӡы́хь ҳәа иашьҭалт".

Иарбанзаалак аӡыхь ахатә гьама амоуп, ҳәарада, узышьцылаз аламалагьы иухашҭӡом. "Шәӡы шԥахаау, ажәра шԥабзиоу" рҳәоит. Аанда зыбжьоу агәылацәа рҵеиџьқәа ирҭутаз аӡгьы гьамала зынӡа ианеиԥшым ыҟоуп. Аӡыхь – адгьыл акыкахш, Шьалодиа Аџьынџьал иажәақәа рыла иуҳәозар.

🧡 Ахьыуардын шәақәтәа
Please open Telegram to view this post
VIEW IN TELEGRAM
👍113
Ахьыуардын
"Ихара ааигәамхацызт, иҩба хԥамхацызт". Абас рҳәоит зықәрахь инеихьоу, аха макьана зымч ҭоу ауаҩы изкны. Аԥсшәа иалоу абри аидиома сахьарк аҵакы дахцәажәоит абызшәадырҩы Анатоли Хьециа истатиақәа руак аҿы. • Ихара ааигәамхацызт – иблабара иагымхацызт,…
Уажәы алахтыра ду ҟалеит, дад. Аҳаҭыреиқәҵашьа, гәшаҭарала аицәажәашьа рҵоит ауаа шәҟәыла-быӷьшәыла. Ажәытәан ажәабжьҳәара акәын хшыҩырҵагас иҟаз.

Мҩасҩык дышцоз, данынаԥш, зықәрахь инеихьаз хаҵак имацара заҵәык амхырҭа дҭагыланы дшырашәоз дибеит. Ицәымыӷхеит, дагьрыцҳаишьеит. Иаахтны иеиҳәар, игәаҟра изымхошәа, саргьы иацсҵоит игәахәын, днахыкәшаны, ус ҿааиҭит:
– Бзиа ууит!
– Бзиара убааит! – иҳәеит зымацара ирашәоз.
– Шьыжьы узымгылазаап, – иҳәеит амҩасҩы.
– Шьыжьы сгылеит, аха сеиқәымшәеит, – иҳәеит ирашәоз.
– Уҩба шԥаҟоу? – ихәеит амҩасҩы.
Сыҩба хԥахеит, – иҳәеит ирашәоз.
– Ухара шԥаҟоу? – ҳәа днаҵааит имҩасуаз.
– Сыхара ааигәахеит, – иҳәеит ирашәоз.
– Угәӡара зеиԥшроузеи? – иҳәеит амҩасҩы.
– Сыгәӡара џьаџьахеит, – иҳәеит ирашәоз.
– Умаӡа зеиԥшроузеи?
– Сымаӡа аргамахеит, – иҳәеит зымацара ирашәоз.

Еилукаама, дад, урҭ реицәажәара?

◽️ Шьыжьы узымгылазаап ҳәа зиҳәаз, имацара амхырҭа дҭамзи, иануаамҭаз, уаныҷкәыназ ԥҳәыс дааугазҭгьы, иуцхандеиуаз аҷкәын дувамгылози ҳәоуп. Ирашәозгьы, иаармаананы, иансааз, саныҷкәыназ ԥҳәыс даазгагәышьеит, аха сеиқәымшәеит, хшара дысмоуит иҳәеит.

◽️ Уҩба шԥаҟоу ҳәа дызиазҵааз, иҩшьапык рзыҳәаноуп. Сыҩба хԥахеит иҳәеит егьигьы. Ҩ-шьапык сымоуп, аха сшьамхқәа кәадахеит, алабашьа сымкыр ауам ныҟәара санцо ҳәоуп иаанаго.

◽️ Ухара шԥаҟоу зиҳәазеи? Уҩблак ихараны ирбома ҳәоуп. Ихараны исызбом, иааигәахеит сылаԥш иҳәеит егьигьы.

◽️ Угәӡара зеиԥшроузеи зиҳәаз, ухаԥыцқәа еибгоума, ибзианы иҟаҟаны акрузыфома ҳәа диазҵааит. Егьигьы аҭак шыҟаиҵаз умбои, сыгәӡара џьаџьахеит иҳәеит. Иџьаџьаны акәгәышьоуп ишысфо иҳәеит.

◽️ Умаӡа зеиԥшроузеи зиҳәазеи? Ауаҩы ибжьы рхәыҷны иуеиҳәар иуаҳауама, улымҳақәа ирыгхахьоума ҳәа диазҵааит. Ауаҩы ибжьы рдуны исеимҳәакәа исаҳауам, сымаӡа аргамахеит иҳәеит егьигьы.

Абас, дад, гәшаҭарала, маанала аицәажәара рдыруан ажәытәан. Уазхәыцыр, ихшыҩрҵагоуп.

Џьума Аҳәба иҩымҭоуп

🧡 Ахьыуардын шәақәтәа
Please open Telegram to view this post
VIEW IN TELEGRAM
👍126
Ашәарыцаратә бызшәа змоу аԥсуаа ҳамацара ҳакәӡам, зкультура иарҿиаз амилаҭқәа рацәоуп, иззеиқәхаз маҷуп умҳәозар. Иаҳҳәап, Кавказ жәларқәа рҟынтә ҳареи ауаԥсааи ҳҿоуп аԥсы ахьҭоу: амала ауаԥсаа рҿы аԥсахәага ҭоуп уҳәар иаҳа ииашоуп, 40-ҟа ажәа роуп ирзаанхаз. Аԥсуаа ҳаугозар, аҵарауаа ианырҵахьоу ашәарыцаратә ажәақәа 200 инареиҳауп, ирацәоуп адиалекттә вариантқәа.

Аурыс бызшәаҿгьы ашәарыцаратә лексика даара ибеиан, XIX ашәышықәсанӡа ахархәара ҭбаан, ареволиуциа ашьҭахь еиԥхьбеит. Ҿырԥшык аҳасабала, урысшәала ашьҭазааҩ изы "висит на хвосте" рҳәоит, ари афраза ашәарыцаратә бызшәахьтә иаагоуп, изызкугьы амаҵуар лоуп (гончая собака).

Иахьатәи аԥсуа шәарыцацәа хазы игоу атерминқәа рдыруеит, зхы иазырхәогьы ыҟоуп. Иахьынӡаҳдыруа гәаҳҭап ҳаргьы. (Аҭакқәа ҵәахуп, шәахкьыслар зегь еицаатуеит).

Алаҷа́ҷ, арԥха́га – амца
Аҟәшәа́ – ачуан
Аԥа́жә, аԥы́жәа – абысҭа
Ача́га – аҳәызба
Аҭархәла́г – амҳабысҭа
Ами, амы́ҩа – аӡы
А́миҟәанда – ашьа
Аӡлаба, ахәԥхьа́ – аџьыка
Ашлаба́ – ахырҵәы
Шьапы́да, шьапҟьа́ҟьа – аҽы
Амҳацә ду – аҽада
Ашьа́ҩа, агада – ашьабсҭа
Хылкь – абӷаб
Ацәыблы́ – адумпеи
Ахәы́мш, акәры́ – ацыӷ
А́маӡа, аҿы́мш – ала, ақәыџьма
Аҳәаза́ – амаҭ
Ахрыԥхага – ахҭырԥа
А́цәымш – ашәарыцаҩ
Амаса́ба, абчара́ҳ – ашәарыцацәа реиҳабы
Агәа́ҷ – аиҵбы (аҷкәын)
Аза́ԥ – ашәақь
Шьапа́жә, дамач – амшә
Ҿа́хәа – аԥслаҳә, ақәасаб
Ақәԥа́шька, аҵаргәа́га – алабашьа
Агәы́гәырҭа – аҩны
Калҭо́у – аԥҳәыс
Калҭо́у гәаҷ – аҭыԥҳа

Адгьыл мшы – ахра бааԥсы
Дымшхеит – дҭахеит
Заҟа ургәы́гәзеи? – заҟа ушьызеи?
Сзеиза́ԥыз сыргәы́гәт – сзеихсыз сшьит.

Ашәарыцаратә бызшәа ажәақәа ааҳгоит Аполлон Шьынқәба иҿцәажәараҟынтә, Валентин Кәаӷәаниеи Жьужьа Ақаҩбеи рышәҟәқәа рҟынтә.
👍104🔥1💔1
🥷🏻 "Удырҩатә еиӷьхааит!"

Абас иԥылоит дманшәалаханы аҭыԥ ахь, ма зыҩныҟа ихынҳәуа ашәарыцаҩ. Ари аԥсышәаҳәароуп, адныҳәалароуп, иагьзеиӷьшьароуп. "А́дырҩатә" ажәа ҳаамҭазы хазы ахархәара амаӡам азы аҵакыҵәҟьа иазхәыцуа маҷуп, иара иаанагоит "в следующий раз".

"У́дырҩатә е́иӷьхааит!" – досл.: пусть твой следующий выход будет еще удачнее!

Ашәарах анахысгьы аԥсуаа зеишәарыцақәо:

Ачашәара (охота на перепелов);
Ашьхышәара (добыча дикого меда);
Аҳәыҳәшәара (охота на голубей);
Акәтышәара (охота на фазанов);
Акәаташәара (охота на уток);
Ахьшьшәара (охота на ястребов);
Ацыӷшәара (охота на куниц).

🧡 Ахьыуардын шәақәтәа
Please open Telegram to view this post
VIEW IN TELEGRAM
👍9🔥3
Ашә тазыла, ахарҵәы жәпа... Иҵыкәкәам абарақьаҭра есҽны ирымпыҵыҵуеит Ҵабал арахә зааӡо Амҷаа рҭаацәара. Хкырацәала ахшлых ҟарҵоит, аԥсуаа ҳашәқәа рыдагьы, европатәи агьамахаақәа (аҩы, акакан, ашьыхә, аҵыбра, ахәысхәақәа аҭаны), ахәаԥа зырҳауагьы уахь иналаҵаны. Зынӡа 20 хкы инарзынаԥшуа. Ауаа ирдыруа иҟалахьеит.

Ҳәарада, ахьа́ра ду аҭыԥ ақәҵара мариаӡам, аха уус угәы ақәкны уанаҿу, уҩны аҳәоуеиқәшәара аныҟоу, уџьабаа бзабааны иуԥымлар ауӡом.

Шәазыӡырҩырц ишәыдаагалоит арадио Sputnik адырраҭара "Сара сус" ахь ааԥхьара заҳҭаз аҭаацәа ран Мадонна Кьиут лыҿцәажәара, уаҟара уцлоит>>

🧡 Ахьыуардын шәақәтәа
Please open Telegram to view this post
VIEW IN TELEGRAM
👍11🔥3
Басиаҭ илафк аацәыраҳгахп, зны-зынла угәы ухауршҭлароуп.

Ԥҳәыск лабхәа дыԥсын, дылџьабон. Даараӡа лгәы далсызшәа ауаа лхы длырбон, ачгахьада акы лҿы инҭалмыршәозшәа ҟалҵон. Арахь маӡала ахаа-мыхаақәа лфозаарын. Ҽнак ашәаӡа шылфоз ланхәыԥҳак дылбеит.
– Ари ибфо закәызеи? – лҳәан дҵааит ланхәыԥҳа.
– Ааи, сыԥсында, акы самгаргьы акы ҳәоуп ашәаӡа зысфо, – лҳәеит "иақәыркыз".


#аԥсуа_лафқәа

🧡 Ахьыуардын шәақәтәа
Please open Telegram to view this post
VIEW IN TELEGRAM
🤣11👍2
Ҩыԥсара ахаҳәлеирақәа ахьырацәахаз зыхҟьо ашыц ахыӡаара акәзаап, абри атәы иҳәеит амедиаклуб "Аԥсны иахьа" зыҿцәажәаз Риҵатәи амилаҭ ҳәырԥсарра адиректор Адамыр Багаҭелиа.

Ашыц аҳацаҟьа иалиаауан, адацқәа аларԥсны иакын, еибарӷәӷәон. Аха, ишдыру еиԥш, ахәаҷа бааԥс амшала шықәсқәак раԥхьа иҵҩаауа иалагеит, абӷаҵысра нызкылашаз амчгьы кәадахеит. Адацқәа рҭыԥан аҭцәаарақәа инхаз қәыршҩык ҭалацыԥхьаӡа ахаҳә алнарҟьар ҟалоит.

Аԥсабаратә еибаркыга аныҟамла, даҽа хыхьчашьак рыӡбаанӡа, ауаа уаҟа рнеиааира шәарҭоуп, азингьы ыҟам.

🧡 Ахьыуардын шәақәтәа
Please open Telegram to view this post
VIEW IN TELEGRAM
😢9
📌 Ажәа бзиоуп

Ауа́ҩа
– пригоршня

Ҩ-уаԥсҵәык акны ианааидукылалак иалҵуа агәаҩара.

• Иуа́ҩа азна араса лкалҭ инаниԥсалеит – Он насыпал ей в подол пригоршню фундука;
• Иуа́ҩала зны аӡыхь неиҿеиҟьан, нас игәарԥханы ижәит – Он набрал ключевой воды пригоршнями, брызнул себе на лицо и потом с удовольствием выпил.

"Ауаҩа" жәытә аԥсышәоуп уҳәаратәы иҟоуп, -уа агәаҩара аҵакы аманы иахьаҳԥыло ажәақәоуп иара убас: ауа́ра (логово медведя, длинная пещера), ауа́ҵа (старинное название чана из цельного ствола дерева), ауа́рԥа ("амҳаҵә" ашәарыцаратә бызшәала), ауаԥсҵәы́ // ауа́ԥшаҵә (горсть).

#ажәа_бзиоуп

🧡 Ахьыуардын шәақәтәа
Please open Telegram to view this post
VIEW IN TELEGRAM
👍102
🍐 Уажә ааигәа ашәыр еихаҳара, абаҳчааӡара иазҟазоу аӡәы ҳиҿцәажәон. Аҳа ахкыжәлақәа жәохә еиқәиԥхьаӡеит. Иџьаҳшьеит. Шәҟәыла ишьҭаҳхзар — 25 инареиҳазаап.

Аберҳа, аӡынҳа, акырпыжәҳа, акәапеиҳа, акьафырҳа, ақәышьарҳа, ақәыԥсҳа, алацанҳа, алагәанҳа, алуҳа, ацхарҳа, аҳаӡа, аҳаԥшь, аҳаҩежь, аҳапаҿ, аҳапеҩ, аҳаша (аҳаш // аҳаҷҷа // аҳасса), ахәыҷҳа, ачарқьазҳа, аҽадҳа, ашьақарҳа, баӷиҳа, баҭиҳа, зачиҳа, нанҳәаҳа, ахәыӡҳа́, ахәажәа́ (арҭ ажәар аҟынтә иаагоуп).

Аҳаши аҳаҷҷеи акоуп, амыӷ злыҳәҳәо, абнаҿ зхала иҿио ҵиаауп, амч амоуп ҳәа рыԥхьаӡон аԥсуаа, аҭәҳәақәа рҿы алаԥшцәгьа изы "аҳасса ықәзырҩааз", "аҳасса зырхәаз", "аҳаҷҷа иалыҩрыз" рҳәоит, абӷьы хәшәуп. Аҳаҷҷа иалҵуа абақьмазгьы аӡы иаларҩынтны зшоура халаз ирҭон, аԥхӡы илнахуан, ишоура артәон.

Абынҳажәлақәа рахь иаҵанакуеит иара убас ақәыԥсҳа, алуҳа, аҽадҳа, акәапеиҳа. Шәара зегь реиҳа бзиа ижәбо арбан?

Хыҵхырҭас иҳахәеит Оҭар Ӡиӡариеи Цира Габниаԥҳаи рышәҟәқәа. Абақьмаз шыҟарҵоз шәаԥхьар шәылшоит абра>>

🧡 Ахьыуардын шәақәтәа
Please open Telegram to view this post
VIEW IN TELEGRAM
👍134🥰2
Ахьыуардын
🍐 Уажә ааигәа ашәыр еихаҳара, абаҳчааӡара иазҟазоу аӡәы ҳиҿцәажәон. Аҳа ахкыжәлақәа жәохә еиқәиԥхьаӡеит. Иџьаҳшьеит. Шәҟәыла ишьҭаҳхзар — 25 инареиҳазаап. Аберҳа, аӡынҳа, акырпыжәҳа, акәапеиҳа, акьафырҳа, ақәышьарҳа, ақәыԥсҳа, алацанҳа, алагәанҳа, алуҳа,…
Ақәыԥсҳа́ адольментә культура иахаануп ҳәа агәаанагара ыҟоуп.

Аԥсуаа жәытәнатә аахыс иалкааны ирыман ари аҵла: ахацәа нагақәа, аибашьцәа рыбаҩ адамра иҭарҵаанӡа ацә ацәа илаҳәаны иахьықәырҵоз, ма иахькнарҳауаз иара акәын ҳәа лыҩуеит Цира Габниа. Абри ажәабжьны ианылҵеит Борис Џьонуа иҟынтә. Ажәа ахаҭа еиҿлыршәшәоит абас: ақә + аԥсы + аҳа "аԥсы дызқәу аҳа" ҳәа.

Аԥсны жәлар рсахьаҭыхҩы Баҭал Џьапуа ари ажәабжь амотивқәа рыла "Аԥскнаҳара" захьӡу аусумҭа аԥиҵахьеит.

🧡 Ахьыуардын шәақәтәа
Please open Telegram to view this post
VIEW IN TELEGRAM
👍14
Ахәыҷы ҵәыцак азна аӡы уиржәзар "Аӡашәа иузҳааит!", "Ӡашәа уԥсынҵры духааит!" ҳәа дырныҳәоит. Аӡы узыркыз аду иакәзар, иҳәатәуи?

• "Аӡы амч уоуааит!"

• "Аӡы ыҟанаҵ адунеи уагымзааит!"

• "Аӡы шыцәоу иубааит!"

• "Аӡы лыхәҭала ашьха иганы иаазгаанӡа адунеи уагымхааит!"

Асахьа © Fotolia / Sondem

🧡 Ахьыуардын шәақәтәа
Please open Telegram to view this post
VIEW IN TELEGRAM
👍117
Ахьыуардын
Ахәыҷы ҵәыцак азна аӡы уиржәзар "Аӡашәа иузҳааит!", "Ӡашәа уԥсынҵры духааит!" ҳәа дырныҳәоит. Аӡы узыркыз аду иакәзар, иҳәатәуи? • "Аӡы амч уоуааит!" • "Аӡы ыҟанаҵ адунеи уагымзааит!" • "Аӡы шыцәоу иубааит!" • "Аӡы лыхәҭала ашьха иганы иаазгаанӡа адунеи…
💧 Аӡы иахҳәаау аԥсуа жәаԥҟақәа

🟠 Аӡыхь ахьыҵыҵыц иҵыҵуеит.

🟠 Аӡы ахьышьҭрахь игьежьуеит.

🟠 Ӡыда аԥсҭазаара ыҟам.

🟠 Аӡрыжәтә зҭуго аӡыхь еимаумԥсан.

🟠 Аӡы цәыкәбарқәагьы ахаҳә кылырҵәоит.

🟠 Аӡы ҭабаргьы аӡышьҭра нхоит.

🟠 Аӡы иамыӡәӡәо егьыҟам, аламыс ада.

🟠 Аӡы уҽалажьны убахҵәаӡа узҭыҵуам.

🟠 Аӡы иаго ҳәҳәабжьы иаҳауам.

🟠 Аӡы иашьуаз аӡы иҿадырхәхәон.

🟠 Аӡы иаанахәо амаҵә (аҭәыц) дамҵасуеит.

🟠 Аӡы иацәшәаз Ӡыӡлан дылхьынҳалон.

🟠 Аӡы иаго амра иазаагом.

🟠 Аӡы иаанаго аԥша иагоит.

🟠 Аӡы ыцәараҳа, аӷа дыцәом.

🟠 Аӡыхь ахьыҟоу – аҵеиџь ржуам.

🟠 Аӡы умбакәа ушьапы еилумхын.

🟠 Аӡы иаԥну аԥан идыруеит.

#ажәаԥҟақәа

🧡 Ахьыуардын шәақәтәа
Please open Telegram to view this post
VIEW IN TELEGRAM
👍155
Уаԥсыуазар, уаԥсыуазароуп!
Уаԥсыуазар, уеибагәа́ӷьзароуп.
Анцәа ҳазшаз, ҳгәы ырлаша,
Ҳаибаргәырӷьо ҳаицыркәаша!
Ҳаб иашҭа Аԥсноуп,
Ҳара ҳзааӡаз ҳан лгароуп.
Ҳаӷацәа ҳаззыргәаӷьуази?

Аԥсуаа Аԥсны иқәымҵыр ҟамлоны ианықәырцоз аамҭазы Лыхнашҭа аизараҿы ажәлар еиҭарҳәоз ажәа.

Ари авариант иҳәамҭоуп 1992 шықәсазы Ҭырқәтәылантә зыԥсадгьыл ахь ихынҳәыз гәымаа рхылҵшьҭра Адил Габлиа, ианиҵеит аҵарауаҩ Виачеслав Бганба 2000 шықәсазы. Агаблиа дхәыҷны иаҳахьан уи аџьар ирылагылаз аҭаҳмада бырг Хәарцкьиа Хәысраб иҟынтә, "Шәхәыҷқәоуп, аха абри шәҭаххар ҟалап, шәазыӡырҩ" ҳәа.

Адиаспора ибзианы ирылаҵәоуп, аҭоурыхҭҵааҩ Руслан Гәажәба ишәҟәы хазына хьӡысгьы иаиҭеит "Аԥсны – ҳаб игәара, ҳара ҳзааӡаз – ҳан лгара" ҳәа. Иара уа иагәылоуп "Амҳаџьыраа рылаӷырӡ" ахьӡны, абас иалагоит:

"Аԥсуара ҳаԥсуароуп,
Ҳаԥсуазар ҳаиуазароуп.
Еибагәахәра ҳабжьазароуп.
Анцәа ҳазшаз, ҳгәырлаша,
Ҳаибаргәырӷьо ҳаицыркәаша.
Аԥсноуп ҳан лгара,
Ҳара ҳазшаз ҳаб игәара.
Уи ҳаӷацәа ишԥаргара.
Мчыла ҳаимырхт, ҳаибатәуп,
Ҳазшьҭаӡоу аибаиауроуп.
Анцәа ҳазшаз иранеишьааит
Аибаиаура, еишьҭазаара..."

📖 Ҳаб иашҭа, ҳаб игәара – Отечество

🧡 Ахьыуардын шәақәтәа
Please open Telegram to view this post
VIEW IN TELEGRAM
13👍3
Media is too big
VIEW IN TELEGRAM
☑️ Аԥсны иазку даара иԥшӡоу ашәа ҿыц иит! Иаԥызҵазгьы ашәаҳәаҩ қәыԥш, аблахкыга Милена Барцыц, раԥхьаӡа акәны ауаа рҿаԥхьа иналыгӡеит иахьа Sputnik апресс-центр аҟны.

Ашәа шьаҭас иаиуит апоет Борис Гәыргәлиа ихьыршәыгәу иажәеинраала "Аԥсны". Гәахәароуп аҿар аклассика ианазхьашуа. Адунеижәларбжьара иазхаҵоу Аԥсны ахьыԥшымра 15 шықәса ахыҵра иазкуп, иагьышԥанаало ажәақәа:

"Уара ужәлар ргәырӷьа шьҭыҵуеит,
Насыԥ дула инхауа.
Руеишьара амҵәыжәҩа еиҵыҵуеит
Есаашар иӷьацауа!
Сыԥсықәара, насыԥ умоуп,
Уара улакәуп лабҿаба.
Сыԥсадгьыл, уара ухьҟәыршәацуп,
Адунеи аҿаԥхьа уҽырба!
"

📖 Ауеишьа́ра = аиашьара – однофамильцы; братство

Ашәа "Ахақәиҭра амҵәыжәҩақәа" аҭаҩраҿы адгылара ҟазҵаз рыӡбахә ҳәоуп абра>>

🧡 Ахьыуардын шәақәтәа
Please open Telegram to view this post
VIEW IN TELEGRAM
10👍5
"Имаҭәа амарсеи амарқәеи реиԥш инаалоит" рҳәоит, ауаҩы даара деиҿкааны данеилаҳәоу.

Амарқәеи амарсеи – асырҭы ахәтақәа иреиуоуп (детали ткацкого станка). Ама́рқәа (ткацкий челнок), уи агәаны арахәыц зыкәшо – ама́рса ауп (шпулька).

Асахьаҿы ишыжәбо еиԥш, амарқәа даара анышь иеиԥшуп. Ус анакәха, ажәытә аԥсуа-адыга хылҵшьҭрақәа амшын излахылоз анышьа еизыхәхәақәа, "кама́ры" ҳәа аҭоурых иадыруа, ахьынтәаауа абри ажәа акәзар ҟалоит.

Амшынтә лексика ҭызҵаауа абызшәадырҩы Оҭар Ӡиӡариа ишәҟәаҿы иааигоит авариант "амар" (челнок).

Амарқәа еихатә ҵәымӷ амырбаӡакәа еибырҭон, аганқәа рхахьала еизааигәартәуан, амшын цәгьахозар иаарласны аӷәқәа рыла "ахыб" арҭон, ацәқәырԥ рхымҵәарц.

Асахьа: mastersekret.ru

🧡 Ахьыуардын шәақәтәа
Please open Telegram to view this post
VIEW IN TELEGRAM
👍12
Ахьыуардын
"Имаҭәа амарсеи амарқәеи реиԥш инаалоит" рҳәоит, ауаҩы даара деиҿкааны данеилаҳәоу. Амарқәеи амарсеи – асырҭы ахәтақәа иреиуоуп (детали ткацкого станка). Ама́рқәа (ткацкий челнок), уи агәаны арахәыц зыкәшо – ама́рса ауп (шпулька). Асахьаҿы ишыжәбо еиԥш…
Аԥсшәа ахы ахьуам, агәы ахьуам. "Амарқәа" анышь аҵакы аманы иаҳԥылеит ашәҟәыҩҩы Даур Занҭариа иажәабжь "Бабаду Мзалеии аамҭа амашьынеи" аҟны!

"Убасҟан иаагәеиҭеит амза амшын ихнаҵоз "ахьтәы цҳа" ааихҵәаны аҟәарахьы зҿаазхаз ашхәа. Ари ашхәа "амарқәа" ҳәа иашьҭан аԥсуаа. Аԥсуааи азахәқәеи жәытәнатә аахыс иныҟәыргон уи, аҭоурых ишаҳәо ала. Ашхәа-"амарқәа" аганахьала иҭаԥыҟҟаны ҩажәи ԥшьба хышә аман. Уаҟа иҭатәан ажәҩаҵшьыҩцәа, ажәҩақәа ирыгәо. Хыхьала ахҩа ахҩан, ацәқәырԥа аахаргьы, инахыҽҽаны ицартә. Иара убас амарқәа ҷыдарас иамаз: ауразоуроу иаҵаҟаҵаны иҟан аӡы ианӡаагылаз иузгәамҭауаз аԥсры (трюм). Уахь инҭацаланы, иҵәахны иргон атәцәа".

🎨 Асахьаҿы ижәбо абазгаа рмарқәа аҭоурых лабҿабазтәуа Аԥсны Жәлар рсахьаҭыхҩы Баҭал Џьапуа иусумҭоуп.

Иҳазҭылхит Арда Лышәԥҳа🫶🏻

🧡 Ахьыуардын шәақәтәа
Please open Telegram to view this post
VIEW IN TELEGRAM
Please open Telegram to view this post
VIEW IN TELEGRAM
👍134🔥3
Узеигәырӷьаша ахҭыс. Иҭыҵит аҵарауаҩ Михаил Гәымба ишәҟәы "Қьалышьбеи", XVIII - XIX ашәышықәсақәа реилыҵымҭаз Аԥсны аҭоурых иазку, инеиҵыху аҭҵаамҭа. Атираж зықь цыра ыҟоуп, аӡәырҩы ирыхьӡоит.

Қьалышьбеи Чачба аҳра аниуаз ӡеибафара аамҭан, ишдыру. Хышә шықәса ҵыхәаԥҵәарада аибашьра цон ҳәа ажәабжьҳәацәа изхырҳәаахьоу агәҭа далагылан, Аԥсны ахақәиҭра дазықәԥон. Ахыԥша ӷәӷәа змаз ҳҳәынҭқар иӡбахәала иаҳдыруа азнарҳап.

Асахьа ©️ Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза конгресс

🧡 Ахьыуардын шәақәтәа
Please open Telegram to view this post
VIEW IN TELEGRAM
👍18😍2