🧩 Ажәахырҿиаара
🥅 А́мба (ворота в спорте)
Аԥсуаа рмилаҭ хәмаррақәа ирхылҿиааз жәытә ажәоуп. Аханатә "амба" ҳәа иашьҭан ахәмарҩы илақәа хҩаны лабала иқәиҟьараны иҟаз аҵәышьаҟа: а-м-ба (иумбо), букв.: невидимое.
Ус ишааиуаз, ампыл асрақәа раан иадырсуаз ашьаҟақәа амба / амбашьаҟа ҳәа рзырҳәо иалагеит, ҩ-шьаҟак рыбжьарагьы амба ахьӡхеит. Забить в ворота – амба аҭаршәра⚽️
🔸 Аламала убла иҵамшәо ауаҩы изы ирҳәоит аԥшӡы́ даҩызоуп // амба даҩызоуп ҳәа.
Ахыҵхырҭа: Валери Кәарҷиа иусумҭақәа реизга I атом, 346.
#ажәахырҿиаара
🧡 Ахьыуардын шәақәтәа
🥅 А́мба (ворота в спорте)
Аԥсуаа рмилаҭ хәмаррақәа ирхылҿиааз жәытә ажәоуп. Аханатә "амба" ҳәа иашьҭан ахәмарҩы илақәа хҩаны лабала иқәиҟьараны иҟаз аҵәышьаҟа: а-м-ба (иумбо), букв.: невидимое.
Ус ишааиуаз, ампыл асрақәа раан иадырсуаз ашьаҟақәа амба / амбашьаҟа ҳәа рзырҳәо иалагеит, ҩ-шьаҟак рыбжьарагьы амба ахьӡхеит. Забить в ворота – амба аҭаршәра
🔸 Аламала убла иҵамшәо ауаҩы изы ирҳәоит аԥшӡы́ даҩызоуп // амба даҩызоуп ҳәа.
Ахыҵхырҭа: Валери Кәарҷиа иусумҭақәа реизга I атом, 346.
#ажәахырҿиаара
Please open Telegram to view this post
VIEW IN TELEGRAM
👍13
Ахьыуардын
🧩 Ажәахырҿиаара 🥅 А́мба (ворота в спорте) Аԥсуаа рмилаҭ хәмаррақәа ирхылҿиааз жәытә ажәоуп. Аханатә "амба" ҳәа иашьҭан ахәмарҩы илақәа хҩаны лабала иқәиҟьараны иҟаз аҵәышьаҟа: а-м-ба (иумбо), букв.: невидимое. Ус ишааиуаз, ампыл асрақәа раан иадырсуаз ашьаҟақәа…
🌾 Ари ажәа даҽа ҵакыкгьы шьҭнахуеит. Аҽаҩра ҿыц еилазазо амхы иҭагылоуп, аха аҿыхра макьана изаауп, арахь аҽаҩра жәытә нҵәарц егьагым – абри аамҭагьы ажәымбара ахьӡуп.
Зынӡа еицәыхароу еилкаарақәоуп уҳәап, аха еицырзеиԥшу ҵакуп а́мбара.
Хәмаршақә, ҳахьтәоу амза ацлара-агхара "хьыӡраҳтәит":
🌙 Аххьа-магана (золотой серп)
🌒 Ахыц (дугообразный лук)
🌓 Ашьынка-са (долька дыни)
🌕 Абла-заҵә (одинокий глаз)
Шәаргьы шәвариантқәа анышәҵа.
Please open Telegram to view this post
VIEW IN TELEGRAM
Telegram
Ахьыуардын
"Амза ангыло ауха аԥсыӡ иабоит, адырҩауха ала иабоит, адырхаухоуп ауаа ианырбо".
•Аԥсуа жәлар разгәаҭара•
Амзаҿа ахыцеиԥш жәҩан ианкыдлалак араӡны ԥара ма ахьымацәаз арбаны "Амзаҿа ахьаҩаҿа ублабара ҳазгәырӷьахьааит!" рҳәон 🌙 Иахьагьы иҟоуп ақьаадԥара…
•Аԥсуа жәлар разгәаҭара•
Амзаҿа ахыцеиԥш жәҩан ианкыдлалак араӡны ԥара ма ахьымацәаз арбаны "Амзаҿа ахьаҩаҿа ублабара ҳазгәырӷьахьааит!" рҳәон 🌙 Иахьагьы иҟоуп ақьаадԥара…
👍8❤6
"Исгәаԥхоит уҟазшьа,
Алым уеиԥшуп уанықәԥо,
Уара уҩыза аҩыза
Сара еснагь дысҭахын..."
Апоет, ашәаԥҵаҩ, аибашьҩы Аркади Кархалаа иахьа дҳалагылазҭгьы 60 шықәса ихыҵуазаарын.
Анцәа абаҩхатәра анишоз Гәыԥаа рҵеи изы дамеигӡеит, ихышхыҵәо илан. Ашкол дышҭаз ажәеинраалакәа иҩуа далагеит, ажурналқәа "Алашареи" "Амцабзи" дыркьыԥхьуан.
Арра-мшынтә флот аҟны имаҵура ихганы данаа Очамчыра араион акультура аханқәа рҿы музыкантс аус иуан. Аибашьра алагаанӡа Аԥсуа гвардиа далалеит. Аӷа данқәыла иԥсадгьыл ахьчара дазгылеит. Ажәалагьы абџьарлагьы дхысуан. Абжьы цқьа ихан, иашәақәа рыла аруаа ргәы шьҭихуан, ирӷәӷәон, иҟажон.
Аибашьра ашьҭахьгьы иабџьар шьҭеимҵеит, аҳәаахьчара ицоз дреиуан. Дҭахоит 2002 шықәса цәыббра 25 рзы Егры аӡиас аԥшаҳәаҿы иуалԥшьа шынаигӡоз, 40 ихымҵыцызт...
Иара уи ашықәсан иҭыҵит Аркади Кархалаа иажәеинраалақәа реизга "Аԥра шкәакәа", аԥхьажәа ссир азиҩит аибашьра амшала згәаҵәа былхьаз Аԥсны Жәлар рпоет Витали Амаршьан.
Аркади Кархалаа аибашьра иалиааз еицырдыруа иашәақәа иреиуоуп "Ақьаса", "Алаӷырӡқәа", "Егры ахықәан", "Ауаҩы дысшьит" уҳәа егьырҭ.
Асахьа: аҭаацәа рархив аҟынтә

🙏11❤3👍2
Ахьыуардын
"Исгәаԥхоит уҟазшьа, Алым уеиԥшуп уанықәԥо, Уара уҩыза аҩыза Сара еснагь дысҭахын..." Апоет, ашәаԥҵаҩ, аибашьҩы Аркади Кархалаа иахьа дҳалагылазҭгьы 60 шықәса ихыҵуазаарын. Анцәа абаҩхатәра анишоз Гәыԥаа рҵеи изы дамеигӡеит, ихышхыҵәо илан. Ашкол дышҭаз…
Апоетҵәҟьа ицәаҳәак алагьы дудыруеит. Шәахәаԥш, шаҟа икәеикәеиуа Аркади Кархалаа илирика, "Хьыбла" захьӡу, ақәыԥшра ацәа хаа зхоу иаԥҵамҭаҿы. Иааҳгоит 2014 шықәсазы иҭыҵыз абзиабаратә жәеинраалақәа реизга "Бызбоит, бызбоит, бзиа бызбоит" аҟынтә.
Сара сцасҳәа акыркыр быччоит,
Бара бтәала са сыбжьо џьыбшьоит.
Хычча-хәмарра шьҭа иазхоит, баҟәыҵ,
Са издыруеит сшалоу ба быԥхыӡ.
Цасҳәа сбымбаӡоушәа ҟабымҵан,
Аха мап, ибысҭаӡом гәыбӷан.
Усҭахӡам ҳәа бҳәаргьы быгәра згом,
Ба ибызӡаргьы былақәа ируӡом.
Хьыбла, сышәҭ еинаала, иалоу са сразҟы,
Қәыԥшроуп сгәаҵа иҭала, бааи, бнапы сыркы.
Хьыбла, бсахьа еинаала сҿаԥхьа еикәаԥхоит,
Схьаҵуам ус мариала, зегь акоуп быстәхоит.
🧡 Ахьыуардын шәақәтәа
Сара сцасҳәа акыркыр быччоит,
Бара бтәала са сыбжьо џьыбшьоит.
Хычча-хәмарра шьҭа иазхоит, баҟәыҵ,
Са издыруеит сшалоу ба быԥхыӡ.
Цасҳәа сбымбаӡоушәа ҟабымҵан,
Аха мап, ибысҭаӡом гәыбӷан.
Усҭахӡам ҳәа бҳәаргьы быгәра згом,
Ба ибызӡаргьы былақәа ируӡом.
Хьыбла, сышәҭ еинаала, иалоу са сразҟы,
Қәыԥшроуп сгәаҵа иҭала, бааи, бнапы сыркы.
Хьыбла, бсахьа еинаала сҿаԥхьа еикәаԥхоит,
Схьаҵуам ус мариала, зегь акоуп быстәхоит.
Please open Telegram to view this post
VIEW IN TELEGRAM
Telegram
Ахьыуардын
Ахьӡ – хьарԥшгоуп.
Аҩызцәа, арубрика ҿыц шәыдаагалоит, аԥсуа хьыӡқәа ирызку. Ҳканал ахьӡ излаҳаднаҵо ала, "ахьы" иахылҿиааз рыла ҳалагап😇Ас иҟоу ахьӡқәа ажәлабзиареи, ахәшьара ҳараки, ажәытәан иҿианы иҳамаз ахьы акульти уи аԥшӡареи рныԥшуеит.
Анкьа ахәыҷқәа…

❤9👍2
📌 Ажәа бзиоуп
Аԥсы́быб – аԥша ишьҭнаԥаауа аӡы ацыԥхь ссақәа (водяная пыль)
Асахьаҿы: Аԥсны иреиҳаӡоу аӡхыҽҽа Адауы (Хәаџьал), Тҟәарчал араион, шә-метрак иахьаҳраку ихшәаны илеиуеит.
#ажәа_бзиоуп
🧡 Ахьыуардын шәақәтәа
Аԥсы́быб – аԥша ишьҭнаԥаауа аӡы ацыԥхь ссақәа (водяная пыль)
Асахьаҿы: Аԥсны иреиҳаӡоу аӡхыҽҽа Адауы (Хәаџьал), Тҟәарчал араион, шә-метрак иахьаҳраку ихшәаны илеиуеит.
#ажәа_бзиоуп
Please open Telegram to view this post
VIEW IN TELEGRAM
👍9❤2😍1
Ахьыуардын
📌 Ажәа бзиоуп Аԥсы́быб – аԥша ишьҭнаԥаауа аӡы ацыԥхь ссақәа (водяная пыль) Асахьаҿы: Аԥсны иреиҳаӡоу аӡхыҽҽа Адауы (Хәаџьал), Тҟәарчал араион, шә-метрак иахьаҳраку ихшәаны илеиуеит. #ажәа_бзиоуп 🧡 Ахьыуардын шәақәтәа
Ҳаԥхьаҩ ихаҵкы, Хәаџьал ихыҽҽаны илеиуа абри аӡы ахьӡ ҳаҵаиҳәеит: Ахәыӡга. Аҵакы иахьалацәажәо акгьы ҳзымԥшаацт, аха ашьаҭаҿы иҳамоу "ахәыӡ" (просо) акәзар, даара аинтерес аҵоуп. Избанзар Дәрыԥшь, Ебырныха аҳаблан иҟоуп убасҵәҟьа хьӡы ссирк зху аӡыхь: Ашырӡы́хь (Арқәа иҵыҵуеит, Дахәара иалалоит).
Ари аӡыхь ахьӡ шаиуз ҳәа еиҭарҳәо ажәабжь аниҵахьан абызшәадырҩы Валери Кәарҷиа, иаагоуп "Аԥсны атопонимика" захьӡу ишәҟәаҿы.
"Арӡынаа ашәуак дӷьычны аҩныҟа дааргеит. Ауха, аӡы агьама аниба – ари Нхыҵынтәи иаауеит, ҳӡыхь ауп иҳәеит. Доурышьҭын Нхыҵ данца ашырӡи ахәыӡи ҭеиԥсан ара икылангеит. Убри иныркны Ашырӡы́хь ҳәа иашьҭалт".
Иарбанзаалак аӡыхь ахатә гьама амоуп, ҳәарада, узышьцылаз аламалагьы иухашҭӡом. "Шәӡы шԥахаау, ажәра шԥабзиоу" рҳәоит. Аанда зыбжьоу агәылацәа рҵеиџьқәа ирҭутаз аӡгьы гьамала зынӡа ианеиԥшым ыҟоуп. Аӡыхь – адгьыл акыкахш, Шьалодиа Аџьынџьал иажәақәа рыла иуҳәозар.
🧡 Ахьыуардын шәақәтәа
Ари аӡыхь ахьӡ шаиуз ҳәа еиҭарҳәо ажәабжь аниҵахьан абызшәадырҩы Валери Кәарҷиа, иаагоуп "Аԥсны атопонимика" захьӡу ишәҟәаҿы.
"Арӡынаа ашәуак дӷьычны аҩныҟа дааргеит. Ауха, аӡы агьама аниба – ари Нхыҵынтәи иаауеит, ҳӡыхь ауп иҳәеит. Доурышьҭын Нхыҵ данца ашырӡи ахәыӡи ҭеиԥсан ара икылангеит. Убри иныркны Ашырӡы́хь ҳәа иашьҭалт".
Иарбанзаалак аӡыхь ахатә гьама амоуп, ҳәарада, узышьцылаз аламалагьы иухашҭӡом. "Шәӡы шԥахаау, ажәра шԥабзиоу" рҳәоит. Аанда зыбжьоу агәылацәа рҵеиџьқәа ирҭутаз аӡгьы гьамала зынӡа ианеиԥшым ыҟоуп. Аӡыхь – адгьыл акыкахш, Шьалодиа Аџьынџьал иажәақәа рыла иуҳәозар.
Please open Telegram to view this post
VIEW IN TELEGRAM
👍11❤3
Ахьыуардын
"Ихара ааигәамхацызт, иҩба хԥамхацызт". Абас рҳәоит зықәрахь инеихьоу, аха макьана зымч ҭоу ауаҩы изкны. Аԥсшәа иалоу абри аидиома сахьарк аҵакы дахцәажәоит абызшәадырҩы Анатоли Хьециа истатиақәа руак аҿы. • Ихара ааигәамхацызт – иблабара иагымхацызт,…
Уажәы алахтыра ду ҟалеит, дад. Аҳаҭыреиқәҵашьа, гәшаҭарала аицәажәашьа рҵоит ауаа шәҟәыла-быӷьшәыла. Ажәытәан ажәабжьҳәара акәын хшыҩырҵагас иҟаз.
Мҩасҩык дышцоз, данынаԥш, зықәрахь инеихьаз хаҵак имацара заҵәык амхырҭа дҭагыланы дшырашәоз дибеит. Ицәымыӷхеит, дагьрыцҳаишьеит. Иаахтны иеиҳәар, игәаҟра изымхошәа, саргьы иацсҵоит игәахәын, днахыкәшаны, ус ҿааиҭит:
– Бзиа ууит!
– Бзиара убааит! – иҳәеит зымацара ирашәоз.
– Шьыжьы узымгылазаап, – иҳәеит амҩасҩы.
– Шьыжьы сгылеит, аха сеиқәымшәеит, – иҳәеит ирашәоз.
– Уҩба шԥаҟоу? – ихәеит амҩасҩы.
– Сыҩба хԥахеит, – иҳәеит ирашәоз.
– Ухара шԥаҟоу? – ҳәа днаҵааит имҩасуаз.
– Сыхара ааигәахеит, – иҳәеит ирашәоз.
– Угәӡара зеиԥшроузеи? – иҳәеит амҩасҩы.
– Сыгәӡара џьаџьахеит, – иҳәеит ирашәоз.
– Умаӡа зеиԥшроузеи?
– Сымаӡа аргамахеит, – иҳәеит зымацара ирашәоз.
Еилукаама, дад, урҭ реицәажәара?
◽️ Шьыжьы узымгылазаап ҳәа зиҳәаз, имацара амхырҭа дҭамзи, иануаамҭаз, уаныҷкәыназ ԥҳәыс дааугазҭгьы, иуцхандеиуаз аҷкәын дувамгылози ҳәоуп. Ирашәозгьы, иаармаананы, иансааз, саныҷкәыназ ԥҳәыс даазгагәышьеит, аха сеиқәымшәеит, хшара дысмоуит иҳәеит.
◽️ Уҩба шԥаҟоу ҳәа дызиазҵааз, иҩшьапык рзыҳәаноуп. Сыҩба хԥахеит иҳәеит егьигьы. Ҩ-шьапык сымоуп, аха сшьамхқәа кәадахеит, алабашьа сымкыр ауам ныҟәара санцо ҳәоуп иаанаго.
◽️ Ухара шԥаҟоу зиҳәазеи? Уҩблак ихараны ирбома ҳәоуп. Ихараны исызбом, иааигәахеит сылаԥш иҳәеит егьигьы.
◽️ Угәӡара зеиԥшроузеи зиҳәаз, ухаԥыцқәа еибгоума, ибзианы иҟаҟаны акрузыфома ҳәа диазҵааит. Егьигьы аҭак шыҟаиҵаз умбои, сыгәӡара џьаџьахеит иҳәеит. Иџьаџьаны акәгәышьоуп ишысфо иҳәеит.
◽️ Умаӡа зеиԥшроузеи зиҳәазеи? Ауаҩы ибжьы рхәыҷны иуеиҳәар иуаҳауама, улымҳақәа ирыгхахьоума ҳәа диазҵааит. Ауаҩы ибжьы рдуны исеимҳәакәа исаҳауам, сымаӡа аргамахеит иҳәеит егьигьы.
Абас, дад, гәшаҭарала, маанала аицәажәара рдыруан ажәытәан. Уазхәыцыр, ихшыҩрҵагоуп.
Џьума Аҳәба иҩымҭоуп

"Ихара ааигәамхацызт, иҩба хԥамхацызт".
Абас рҳәоит зықәрахь инеихьоу, аха макьана зымч ҭоу ауаҩы изкны. Аԥсшәа иалоу абри аидиома сахьарк аҵакы дахцәажәоит абызшәадырҩы Анатоли Хьециа истатиақәа руак аҿы.
• Ихара ааигәамхацызт – иблабара иагымхацызт…

👍12❤6
Ашәарыцаратә бызшәа змоу аԥсуаа ҳамацара ҳакәӡам, зкультура иарҿиаз амилаҭқәа рацәоуп, иззеиқәхаз маҷуп умҳәозар. Иаҳҳәап, Кавказ жәларқәа рҟынтә ҳареи ауаԥсааи ҳҿоуп аԥсы ахьҭоу: амала ауаԥсаа рҿы аԥсахәага ҭоуп уҳәар иаҳа ииашоуп, 40-ҟа ажәа роуп ирзаанхаз. Аԥсуаа ҳаугозар, аҵарауаа ианырҵахьоу ашәарыцаратә ажәақәа 200 инареиҳауп, ирацәоуп адиалекттә вариантқәа.
Аурыс бызшәаҿгьы ашәарыцаратә лексика даара ибеиан, XIX ашәышықәсанӡа ахархәара ҭбаан, ареволиуциа ашьҭахь еиԥхьбеит. Ҿырԥшык аҳасабала, урысшәала ашьҭазааҩ изы "висит на хвосте" рҳәоит, ари афраза ашәарыцаратә бызшәахьтә иаагоуп, изызкугьы амаҵуар лоуп (гончая собака).
Иахьатәи аԥсуа шәарыцацәа хазы игоу атерминқәа рдыруеит, зхы иазырхәогьы ыҟоуп. Иахьынӡаҳдыруа гәаҳҭап ҳаргьы. (Аҭакқәа ҵәахуп, шәахкьыслар зегь еицаатуеит).
Алаҷа́ҷ, арԥха́га –амца
Аҟәшәа́ –ачуан
Аԥа́жә, аԥы́жәа –абысҭа
Ача́га – аҳәызба
Аҭархәла́г –амҳабысҭа
Ами, амы́ҩа –аӡы
А́миҟәанда –ашьа
Аӡлаба, ахәԥхьа́ – аџьыка
Ашлаба́ –ахырҵәы
Шьапы́да, шьапҟьа́ҟьа –аҽы
Амҳацә ду – аҽада
Ашьа́ҩа, агада –ашьабсҭа
Хылкь – абӷаб
Ацәыблы́ – адумпеи
Ахәы́мш, акәры́ – ацыӷ
А́маӡа, аҿы́мш – ала, ақәыџьма
Аҳәаза́ – амаҭ
Ахрыԥхага – ахҭырԥа
А́цәымш –ашәарыцаҩ
Амаса́ба, абчара́ҳ –ашәарыцацәа реиҳабы
Агәа́ҷ – аиҵбы (аҷкәын)
Аза́ԥ – ашәақь
Шьапа́жә, дамач – амшә
Ҿа́хәа – аԥслаҳә, ақәасаб
Ақәԥа́шька, аҵаргәа́га – алабашьа
Агәы́гәырҭа – аҩны
Калҭо́у – аԥҳәыс
Калҭо́у гәаҷ – аҭыԥҳа
Адгьыл мшы –ахра бааԥсы
Дымшхеит – дҭахеит
Заҟа ургәы́гәзеи? – заҟа ушьызеи?
Сзеиза́ԥыз сыргәы́гәт – сзеихсыз сшьит.
Ашәарыцаратә бызшәа ажәақәа ааҳгоит Аполлон Шьынқәба иҿцәажәараҟынтә, Валентин Кәаӷәаниеи Жьужьа Ақаҩбеи рышәҟәқәа рҟынтә.
Аурыс бызшәаҿгьы ашәарыцаратә лексика даара ибеиан, XIX ашәышықәсанӡа ахархәара ҭбаан, ареволиуциа ашьҭахь еиԥхьбеит. Ҿырԥшык аҳасабала, урысшәала ашьҭазааҩ изы "висит на хвосте" рҳәоит, ари афраза ашәарыцаратә бызшәахьтә иаагоуп, изызкугьы амаҵуар лоуп (гончая собака).
Иахьатәи аԥсуа шәарыцацәа хазы игоу атерминқәа рдыруеит, зхы иазырхәогьы ыҟоуп. Иахьынӡаҳдыруа гәаҳҭап ҳаргьы. (Аҭакқәа ҵәахуп, шәахкьыслар зегь еицаатуеит).
Алаҷа́ҷ, арԥха́га –
Аҟәшәа́ –
Аԥа́жә, аԥы́жәа –
Аҭархәла́г –
Ами, амы́ҩа –
А́миҟәанда –
Ашлаба́ –
Шьапы́да, шьапҟьа́ҟьа –
Ашьа́ҩа, агада –
А́цәымш –
Амаса́ба, абчара́ҳ –
Адгьыл мшы –
Telegram
Ахьыуардын
Аԥсуаа ирдыруаз амаӡа бызшәақәа🤫
• Абна бызшәа
• Ашьха бызшәа
• Амшә бызшәа
• Аҵла бызшәа
• Алабашьа бызшәа
• Амаана бызшәа
• Арбаӷь бызшәа
• Амаҭ бызшәа
• Аҵыс бызшәа
• Аӡы бызшәа
• Аҳәса рыбызшәа (специальный тайный язык женщин)
• Аӷьыч бызшәа…

👍10❤4🔥1💔1
🥷🏻 "Удырҩатә еиӷьхааит!"
Абас иԥылоит дманшәалаханы аҭыԥ ахь, ма зыҩныҟа ихынҳәуа ашәарыцаҩ. Ари аԥсышәаҳәароуп, адныҳәалароуп, иагьзеиӷьшьароуп. "А́дырҩатә" ажәа ҳаамҭазы хазы ахархәара амаӡам азы аҵакыҵәҟьа иазхәыцуа маҷуп, иара иаанагоит "в следующий раз".
"У́дырҩатә е́иӷьхааит!" – досл.: пусть твой следующий выход будет еще удачнее!
Ашәарах анахысгьы аԥсуаа зеишәарыцақәо:
• Ачашәара (охота на перепелов);
• Ашьхышәара (добыча дикого меда);
• Аҳәыҳәшәара (охота на голубей);
• Акәтышәара (охота на фазанов);
• Акәаташәара (охота на уток);
• Ахьшьшәара (охота на ястребов);
• Ацыӷшәара (охота на куниц).
🧡 Ахьыуардын шәақәтәа
Абас иԥылоит дманшәалаханы аҭыԥ ахь, ма зыҩныҟа ихынҳәуа ашәарыцаҩ. Ари аԥсышәаҳәароуп, адныҳәалароуп, иагьзеиӷьшьароуп. "А́дырҩатә" ажәа ҳаамҭазы хазы ахархәара амаӡам азы аҵакыҵәҟьа иазхәыцуа маҷуп, иара иаанагоит "в следующий раз".
"У́дырҩатә е́иӷьхааит!" – досл.: пусть твой следующий выход будет еще удачнее!
Ашәарах анахысгьы аԥсуаа зеишәарыцақәо:
• Ачашәара (охота на перепелов);
• Ашьхышәара (добыча дикого меда);
• Аҳәыҳәшәара (охота на голубей);
• Акәтышәара (охота на фазанов);
• Акәаташәара (охота на уток);
• Ахьшьшәара (охота на ястребов);
• Ацыӷшәара (охота на куниц).
Please open Telegram to view this post
VIEW IN TELEGRAM
👍9🔥3
Ашә тазыла, ахарҵәы жәпа... Иҵыкәкәам абарақьаҭра есҽны ирымпыҵыҵуеит Ҵабал арахә зааӡо Амҷаа рҭаацәара. Хкырацәала ахшлых ҟарҵоит, аԥсуаа ҳашәқәа рыдагьы, европатәи агьамахаақәа (аҩы, акакан, ашьыхә, аҵыбра, ахәысхәақәа аҭаны), ахәаԥа зырҳауагьы уахь иналаҵаны. Зынӡа 20 хкы инарзынаԥшуа. Ауаа ирдыруа иҟалахьеит.
Ҳәарада, ахьа́ра ду аҭыԥ ақәҵара мариаӡам, аха уус угәы ақәкны уанаҿу, уҩны аҳәоуеиқәшәара аныҟоу, уџьабаа бзабааны иуԥымлар ауӡом.
Шәазыӡырҩырц ишәыдаагалоит арадио Sputnik адырраҭара "Сара сус" ахь ааԥхьара заҳҭаз аҭаацәа ран Мадонна Кьиут лыҿцәажәара, уаҟара уцлоит>>
🧡 Ахьыуардын шәақәтәа
Ҳәарада, ахьа́ра ду аҭыԥ ақәҵара мариаӡам, аха уус угәы ақәкны уанаҿу, уҩны аҳәоуеиқәшәара аныҟоу, уџьабаа бзабааны иуԥымлар ауӡом.
Шәазыӡырҩырц ишәыдаагалоит арадио Sputnik адырраҭара "Сара сус" ахь ааԥхьара заҳҭаз аҭаацәа ран Мадонна Кьиут лыҿцәажәара, уаҟара уцлоит>>
Please open Telegram to view this post
VIEW IN TELEGRAM
Sputnik Аҧсны
Сара сус: Киутԥҳа-Амҷба хкы рацәала ашәҟаҵара иазкны
Мадонна Киутԥҳа-Амҷба арадио Sputnik адырраҭара "Сара сус" аҟны илҳәеит лҭаацәа ахьара бзианы ишроуа, еиуеиԥшым ашә хқкәа рыҟаҵара лнапы шалаку, урҭ злырхәҳауа.
👍11🔥3
Басиаҭ илафк аацәыраҳгахп, зны-зынла угәы ухауршҭлароуп.
Ԥҳәыск лабхәа дыԥсын, дылџьабон. Даараӡа лгәы далсызшәа ауаа лхы длырбон, ачгахьада акы лҿы инҭалмыршәозшәа ҟалҵон. Арахь маӡала ахаа-мыхаақәа лфозаарын. Ҽнак ашәаӡа шылфоз ланхәыԥҳак дылбеит.
– Ари ибфо закәызеи? – лҳәан дҵааит ланхәыԥҳа.
– Ааи, сыԥсында, акы самгаргьы акы ҳәоуп ашәаӡа зысфо, – лҳәеит "иақәыркыз".
#аԥсуа_лафқәа
🧡 Ахьыуардын шәақәтәа
Ԥҳәыск лабхәа дыԥсын, дылџьабон. Даараӡа лгәы далсызшәа ауаа лхы длырбон, ачгахьада акы лҿы инҭалмыршәозшәа ҟалҵон. Арахь маӡала ахаа-мыхаақәа лфозаарын. Ҽнак ашәаӡа шылфоз ланхәыԥҳак дылбеит.
– Ари ибфо закәызеи? – лҳәан дҵааит ланхәыԥҳа.
– Ааи, сыԥсында, акы самгаргьы акы ҳәоуп ашәаӡа зысфо, – лҳәеит "иақәыркыз".
#аԥсуа_лафқәа
Please open Telegram to view this post
VIEW IN TELEGRAM
🤣11👍2
Ҩыԥсара ахаҳәлеирақәа ахьырацәахаз зыхҟьо ашыц ахыӡаара акәзаап, абри атәы иҳәеит амедиаклуб "Аԥсны иахьа" зыҿцәажәаз Риҵатәи амилаҭ ҳәырԥсарра адиректор Адамыр Багаҭелиа.
Ашыц аҳацаҟьа иалиаауан, адацқәа аларԥсны иакын, еибарӷәӷәон. Аха, ишдыру еиԥш, ахәаҷа бааԥс амшала шықәсқәак раԥхьа иҵҩаауа иалагеит, абӷаҵысра нызкылашаз амчгьы кәадахеит. Адацқәа рҭыԥан аҭцәаарақәа инхаз қәыршҩык ҭалацыԥхьаӡа ахаҳә алнарҟьар ҟалоит.
Аԥсабаратә еибаркыга аныҟамла, даҽа хыхьчашьак рыӡбаанӡа, ауаа уаҟа рнеиааира шәарҭоуп, азингьы ыҟам.
🧡 Ахьыуардын шәақәтәа
Ашыц аҳацаҟьа иалиаауан, адацқәа аларԥсны иакын, еибарӷәӷәон. Аха, ишдыру еиԥш, ахәаҷа бааԥс амшала шықәсқәак раԥхьа иҵҩаауа иалагеит, абӷаҵысра нызкылашаз амчгьы кәадахеит. Адацқәа рҭыԥан аҭцәаарақәа инхаз қәыршҩык ҭалацыԥхьаӡа ахаҳә алнарҟьар ҟалоит.
Аԥсабаратә еибаркыга аныҟамла, даҽа хыхьчашьак рыӡбаанӡа, ауаа уаҟа рнеиааира шәарҭоуп, азингьы ыҟам.
Please open Telegram to view this post
VIEW IN TELEGRAM
😢9
📌 Ажәа бзиоуп
Ауа́ҩа – пригоршня
Ҩ-уаԥсҵәык акны ианааидукылалак иалҵуа агәаҩара.
• Иуа́ҩа азна араса лкалҭ инаниԥсалеит – Он насыпал ей в подол пригоршню фундука;
• Иуа́ҩала зны аӡыхь неиҿеиҟьан, нас игәарԥханы ижәит – Он набрал ключевой воды пригоршнями, брызнул себе на лицо и потом с удовольствием выпил.
"Ауаҩа" жәытә аԥсышәоуп уҳәаратәы иҟоуп, -уа агәаҩара аҵакы аманы иахьаҳԥыло ажәақәоуп иара убас: ауа́ра (логово медведя, длинная пещера), ауа́ҵа (старинное название чана из цельного ствола дерева), ауа́рԥа ("амҳаҵә" ашәарыцаратә бызшәала), ауаԥсҵәы́ // ауа́ԥшаҵә (горсть).

👍10⚡2
🍐 Уажә ааигәа ашәыр еихаҳара, абаҳчааӡара иазҟазоу аӡәы ҳиҿцәажәон. Аҳа ахкыжәлақәа жәохә еиқәиԥхьаӡеит. Иџьаҳшьеит. Шәҟәыла ишьҭаҳхзар — 25 инареиҳазаап.
Аберҳа, аӡынҳа, акырпыжәҳа, акәапеиҳа, акьафырҳа, ақәышьарҳа, ақәыԥсҳа, алацанҳа, алагәанҳа, алуҳа, ацхарҳа, аҳаӡа, аҳаԥшь, аҳаҩежь, аҳапаҿ, аҳапеҩ, аҳаша (аҳаш // аҳаҷҷа // аҳасса), ахәыҷҳа, ачарқьазҳа, аҽадҳа, ашьақарҳа, баӷиҳа, баҭиҳа, зачиҳа, нанҳәаҳа, ахәыӡҳа́, ахәажәа́ (арҭ ажәар аҟынтә иаагоуп).
Аҳаши аҳаҷҷеи акоуп, амыӷ злыҳәҳәо, абнаҿ зхала иҿио ҵиаауп, амч амоуп ҳәа рыԥхьаӡон аԥсуаа, аҭәҳәақәа рҿы алаԥшцәгьа изы "аҳасса ықәзырҩааз", "аҳасса зырхәаз", "аҳаҷҷа иалыҩрыз" рҳәоит, абӷьы хәшәуп. Аҳаҷҷа иалҵуа абақьмазгьы аӡы иаларҩынтны зшоура халаз ирҭон, аԥхӡы илнахуан, ишоура артәон.
Абынҳажәлақәа рахь иаҵанакуеит иара убас ақәыԥсҳа, алуҳа, аҽадҳа, акәапеиҳа. Шәара зегь реиҳа бзиа ижәбо арбан?
Хыҵхырҭас иҳахәеит Оҭар Ӡиӡариеи Цира Габниаԥҳаи рышәҟәқәа. Абақьмаз шыҟарҵоз шәаԥхьар шәылшоит абра>>

👍13❤4🥰2
Ахьыуардын
🍐 Уажә ааигәа ашәыр еихаҳара, абаҳчааӡара иазҟазоу аӡәы ҳиҿцәажәон. Аҳа ахкыжәлақәа жәохә еиқәиԥхьаӡеит. Иџьаҳшьеит. Шәҟәыла ишьҭаҳхзар — 25 инареиҳазаап. Аберҳа, аӡынҳа, акырпыжәҳа, акәапеиҳа, акьафырҳа, ақәышьарҳа, ақәыԥсҳа, алацанҳа, алагәанҳа, алуҳа,…
Ақәыԥсҳа́ адольментә культура иахаануп ҳәа агәаанагара ыҟоуп.
Аԥсуаа жәытәнатә аахыс иалкааны ирыман ари аҵла: ахацәа нагақәа, аибашьцәа рыбаҩ адамра иҭарҵаанӡа ацә ацәа илаҳәаны иахьықәырҵоз, ма иахькнарҳауаз иара акәын ҳәа лыҩуеит Цира Габниа. Абри ажәабжьны ианылҵеит Борис Џьонуа иҟынтә. Ажәа ахаҭа еиҿлыршәшәоит абас: ақә + аԥсы + аҳа "аԥсы дызқәу аҳа" ҳәа.
Аԥсны жәлар рсахьаҭыхҩы Баҭал Џьапуа ари ажәабжь амотивқәа рыла "Аԥскнаҳара" захьӡу аусумҭа аԥиҵахьеит.
🧡 Ахьыуардын шәақәтәа
Аԥсуаа жәытәнатә аахыс иалкааны ирыман ари аҵла: ахацәа нагақәа, аибашьцәа рыбаҩ адамра иҭарҵаанӡа ацә ацәа илаҳәаны иахьықәырҵоз, ма иахькнарҳауаз иара акәын ҳәа лыҩуеит Цира Габниа. Абри ажәабжьны ианылҵеит Борис Џьонуа иҟынтә. Ажәа ахаҭа еиҿлыршәшәоит абас: ақә + аԥсы + аҳа "аԥсы дызқәу аҳа" ҳәа.
Аԥсны жәлар рсахьаҭыхҩы Баҭал Џьапуа ари ажәабжь амотивқәа рыла "Аԥскнаҳара" захьӡу аусумҭа аԥиҵахьеит.
Please open Telegram to view this post
VIEW IN TELEGRAM
👍14
Ахәыҷы ҵәыцак азна аӡы уиржәзар "Аӡашәа иузҳааит!", "Ӡашәа уԥсынҵры духааит!" ҳәа дырныҳәоит. Аӡы узыркыз аду иакәзар, иҳәатәуи?
• "Аӡы амч уоуааит!"
• "Аӡы ыҟанаҵ адунеи уагымзааит!"
• "Аӡы шыцәоу иубааит!"
• "Аӡы лыхәҭала ашьха иганы иаазгаанӡа адунеи уагымхааит!"
Асахьа © Fotolia / Sondem
🧡 Ахьыуардын шәақәтәа
• "Аӡы амч уоуааит!"
• "Аӡы ыҟанаҵ адунеи уагымзааит!"
• "Аӡы шыцәоу иубааит!"
• "Аӡы лыхәҭала ашьха иганы иаазгаанӡа адунеи уагымхааит!"
Асахьа © Fotolia / Sondem
Please open Telegram to view this post
VIEW IN TELEGRAM
👍11❤7
Ахьыуардын
Ахәыҷы ҵәыцак азна аӡы уиржәзар "Аӡашәа иузҳааит!", "Ӡашәа уԥсынҵры духааит!" ҳәа дырныҳәоит. Аӡы узыркыз аду иакәзар, иҳәатәуи? • "Аӡы амч уоуааит!" • "Аӡы ыҟанаҵ адунеи уагымзааит!" • "Аӡы шыцәоу иубааит!" • "Аӡы лыхәҭала ашьха иганы иаазгаанӡа адунеи…
💧 Аӡы иахҳәаау аԥсуа жәаԥҟақәа
🟠 Аӡыхь ахьыҵыҵыц иҵыҵуеит.
🟠 Аӡы ахьышьҭрахь игьежьуеит.
🟠 Ӡыда аԥсҭазаара ыҟам.
🟠 Аӡрыжәтә зҭуго аӡыхь еимаумԥсан.
🟠 Аӡы цәыкәбарқәагьы ахаҳә кылырҵәоит.
🟠 Аӡы ҭабаргьы аӡышьҭра нхоит.
🟠 Аӡы иамыӡәӡәо егьыҟам, аламыс ада.
🟠 Аӡы уҽалажьны убахҵәаӡа узҭыҵуам.
🟠 Аӡы иаго ҳәҳәабжьы иаҳауам.
🟠 Аӡы иашьуаз аӡы иҿадырхәхәон.
🟠 Аӡы иаанахәо амаҵә (аҭәыц) дамҵасуеит.
🟠 Аӡы иацәшәаз Ӡыӡлан дылхьынҳалон.
🟠 Аӡы иаго амра иазаагом.
🟠 Аӡы иаанаго аԥша иагоит.
🟠 Аӡы ыцәараҳа, аӷа дыцәом.
🟠 Аӡыхь ахьыҟоу – аҵеиџь ржуам.
🟠 Аӡы умбакәа ушьапы еилумхын.
🟠 Аӡы иаԥну аԥан идыруеит.
#ажәаԥҟақәа
🧡 Ахьыуардын шәақәтәа
#ажәаԥҟақәа
Please open Telegram to view this post
VIEW IN TELEGRAM
👍15❤5
Уаԥсыуазар, уаԥсыуазароуп!
Уаԥсыуазар, уеибагәа́ӷьзароуп.
Анцәа ҳазшаз, ҳгәы ырлаша,
Ҳаибаргәырӷьо ҳаицыркәаша!
Ҳаб иашҭа Аԥсноуп,
Ҳара ҳзааӡаз ҳан лгароуп.
Ҳаӷацәа ҳаззыргәаӷьуази?
Аԥсуаа Аԥсны иқәымҵыр ҟамлоны ианықәырцоз аамҭазы Лыхнашҭа аизараҿы ажәлар еиҭарҳәоз ажәа.
Ари авариант иҳәамҭоуп 1992 шықәсазы Ҭырқәтәылантә зыԥсадгьыл ахь ихынҳәыз гәымаа рхылҵшьҭра Адил Габлиа, ианиҵеит аҵарауаҩ Виачеслав Бганба 2000 шықәсазы. Агаблиа дхәыҷны иаҳахьан уи аџьар ирылагылаз аҭаҳмада бырг Хәарцкьиа Хәысраб иҟынтә, "Шәхәыҷқәоуп, аха абри шәҭаххар ҟалап, шәазыӡырҩ" ҳәа.
Адиаспора ибзианы ирылаҵәоуп, аҭоурыхҭҵааҩ Руслан Гәажәба ишәҟәы хазына хьӡысгьы иаиҭеит "Аԥсны – ҳаб игәара, ҳара ҳзааӡаз – ҳан лгара" ҳәа. Иара уа иагәылоуп "Амҳаџьыраа рылаӷырӡ" ахьӡны, абас иалагоит:
"Аԥсуара ҳаԥсуароуп,
Ҳаԥсуазар ҳаиуазароуп.
Еибагәахәра ҳабжьазароуп.
Анцәа ҳазшаз, ҳгәырлаша,
Ҳаибаргәырӷьо ҳаицыркәаша.
Аԥсноуп ҳан лгара,
Ҳара ҳазшаз ҳаб игәара.
Уи ҳаӷацәа ишԥаргара.
Мчыла ҳаимырхт, ҳаибатәуп,
Ҳазшьҭаӡоу аибаиауроуп.
Анцәа ҳазшаз иранеишьааит
Аибаиаура, еишьҭазаара..."
📖 Ҳаб иашҭа, ҳаб игәара – Отечество

❤13👍3
Ари аҭыԥҳа илџьушьаша акрыҟоуп, аха зегь реиҳа ҳгәы шьҭызхыз ус баша иналалыршәыз ажәоуп: "Схәыҷы са саасҭагьы аԥсшәа идыруеит, иара сириашоит" ҳәа. Берна Аӡынԥҳа – зхьышьҭра змырӡыз, авидео>>
🧡 Ахьыуардын шәақәтәа
Please open Telegram to view this post
VIEW IN TELEGRAM
Sputnik Аҧсны
Берна Аӡынԥҳа еиҭалҳәеит лҭоурыхтә ԥсадгьыл ахь дшыхынҳәыз
Жәашықәса раԥхьа Аԥсни Ҭырқәтәылеи ҳәа азҵаара анықәгыла гәыҩбарада Аԥсны нхарҭа ҭыԥс иалалхит ҳџьынџьуаҩ Берна Аӡынԥҳа. Лара Аԥсныҟа лаара шыҟалази, аԥсшәа шылҵази, аҩызцәа шлырҳази ртәы арадио Sputnik апроект "Зхьышьҭра змырӡыз" аҿы...
👍9❤2
Media is too big
VIEW IN TELEGRAM
Ашәа шьаҭас иаиуит апоет Борис Гәыргәлиа ихьыршәыгәу иажәеинраала "Аԥсны". Гәахәароуп аҿар аклассика ианазхьашуа. Адунеижәларбжьара иазхаҵоу Аԥсны ахьыԥшымра 15 шықәса ахыҵра иазкуп, иагьышԥанаало ажәақәа:
"Уара ужәлар ргәырӷьа шьҭыҵуеит,
Насыԥ дула инхауа.
Руеишьара амҵәыжәҩа еиҵыҵуеит
Есаашар иӷьацауа!
Сыԥсықәара, насыԥ умоуп,
Уара улакәуп лабҿаба.
Сыԥсадгьыл, уара ухьҟәыршәацуп,
Адунеи аҿаԥхьа уҽырба!"
Ашәа "Ахақәиҭра амҵәыжәҩақәа" аҭаҩраҿы адгылара ҟазҵаз рыӡбахә ҳәоуп абра>>
Please open Telegram to view this post
VIEW IN TELEGRAM
❤10👍5
"Имаҭәа амарсеи амарқәеи реиԥш инаалоит" рҳәоит, ауаҩы даара деиҿкааны данеилаҳәоу.
Амарқәеи амарсеи – асырҭы ахәтақәа иреиуоуп (детали ткацкого станка). Ама́рқәа (ткацкий челнок), уи агәаны арахәыц зыкәшо – ама́рса ауп (шпулька).
Асахьаҿы ишыжәбо еиԥш, амарқәа даара анышь иеиԥшуп. Ус анакәха, ажәытә аԥсуа-адыга хылҵшьҭрақәа амшын излахылоз анышьа еизыхәхәақәа, "кама́ры" ҳәа аҭоурых иадыруа, ахьынтәаауа абри ажәа акәзар ҟалоит.
Амшынтә лексика ҭызҵаауа абызшәадырҩы Оҭар Ӡиӡариа ишәҟәаҿы иааигоит авариант "амар" (челнок).
Амарқәа еихатә ҵәымӷ амырбаӡакәа еибырҭон, аганқәа рхахьала еизааигәартәуан, амшын цәгьахозар иаарласны аӷәқәа рыла "ахыб" арҭон, ацәқәырԥ рхымҵәарц.
Асахьа: mastersekret.ru

👍12