Ахьыуардын
1.26K subscribers
1.38K photos
220 videos
1.66K links
Ахьыуардын — аԥсуа бызшәеи, аҭоурыхи, акультуреи ирызку апроект ҷыда. Напбзиа-шьапбзиа ахьыуардын дақәтәоуп. Шәҳацла: ахьы хәыҷуп, аха шәкы ицоит, аӡә дышәҩыкны дҳаԥхьаӡоит.
Download Telegram
Ахьыуардын
"Ҳаӷацәа еснагь ҳҭоурых иачычан. Иачычан, избанзар иара ҳаман. Дара иҳамамзар рҭахын, усҟан акыр ирзымариахон рнапахьы ҳаагара". Алықьса Гогәуа Еибашьра бзиа ҟамлаӡацт ари адунеи аҿы, ауаҩи ауаҩи рықәибахра еснагь ирыцҳароуп. Аха уара иануқәло атәы хазуп…
«Сҽыжәны саахуеит, сҽы цыркьыхуеит. "Ашьапы чаԥаӡами?" – дсазҵаахуеит аӡәы. "Ашьапы чаԥоуп, аха амаҭ ацҳаит", – аҭак исҭахуеит уи».

Зԥазаҵә дҭахаз Аԥсны Жәлар рпоет Витали Амаршьан аибашьраантәи иԥхыӡ.

Аԥсны жәлар рџьынџьтәылатә еибашьра адәаҿы иҭахеит 1716-ҩык ҳаԥсадгьыл ахьчацәа, Аиааира ашьҭахь аҳәааҿы иаҳцәыршьит даҽа 407-ҩык аҵеицәа. Аибашьра иахәхаз абџьар иаҵагылази аҭынч уааԥсыреи рхыԥхьаӡара ааидкыланы ԥшь-нызқьҩык рҟынӡа инаӡоит… Хабарда ибжьаӡыз аламҵакәа…

Аԥсны иаиуз аекономикатә ааха 11 миллиард доллар рҟынӡа артәеит. Аҭҵаарадырреи, акультуреи, аҭоурыхи ирыҭаз аԥхасҭа шәашьагьы амам.

Ахақәиҭра аҳауа цқьа лбааҳдарц абри аҩыза ахә шәан.

🧡 Ахьыуардын шәақәтәа
Please open Telegram to view this post
VIEW IN TELEGRAM
👍95
Иуцгәырӷьо духашҭуеит, иуцҵәыуа духашҭӡом.

Нанҳәамза аиҩшамҭа, 1992 шықәса. Аибашьра, ашьа, аиашьа… Шьагәыҭк змоу арҭ ах-ажәак ирымчу адунеи иабеит, шықәсык инацны Аԥсны агәы иҭаҵәыуо, ахлымӡаах ианалаԥшуаз аамҭазы.

Аибашьра аналага аҽныҵәҟьа зыԥшрак ҟамҵакәа арахь еихеит шәҩыла зшьа зыԥхьоз ҳашьцәа. Аиҳараҩӡак кавказаа ракәын, иара убас аҳәаанырцәтәи аԥсуа диаспора ахаҭарнакцәа. Аха иҳашьамызгьы, иара ус аҿыхақәа "иҟоу ҳбоит, ҳазлашәҩызам ҳәа егьыҟам" аанарго, иҳавагылақәаз ҟалеит. Агәаԥхара роуит, аҭаххара. Адунеи аҿы аибакапанра зыла иааиуа аиаша азықәԥаҩцәа.

Зегь ааидкыланы 2600-ҩык инареиҳан хатәгәаԥхарала еибашьра иааз. Рхыԥхьаӡара аасҭагьы ргәамч еиҳан. Аус ду аҿы иуцхраауа даныҟала, еиҳагьы угәы уҵасуеит, иулымшашагьы улнаршоит. Ақырҭуа дазыԥшӡамызт Кавказ ашьхарыуаа абас ҭаҷкәымкны еилаҵәап ҳәа... Дара ирыдгылоз, ижьышуаз-ишьашуаз аҟарлышқәа иреиԥшын. Ҳара иҳадгылоз фырхацәа иашақәан. Ауаҩра зцым афырхаҵара фырхаҵароуп ҳәа ирыԥхьаӡаӡомызт аԥсуаа наџьнатә аахысгьы, аҩбагь еицызар акәын ианынаӡаз, ианаԥсыуараз. Иагьеицын.

Хашҭра рықәымзааит Аԥсны зхы ақәызҵаз аибашьцәа, ҳтәыла ԥшӡа даргьы ирыԥсадгьылхеит иаԥсыуаамкәа иҭахаз. Агәабзиара рымазааит иҟоу, ргәымшәара ҿырԥшыгоуп, иааӡагоуп, имҩақәҵагоуп!

Аиааира аагараҿы хатәгәаԥхарауаа рлагала иазкуп абри аматериал>>

🧡 Ахьыуардын шәақәтәа
Please open Telegram to view this post
VIEW IN TELEGRAM
👍104
Ахьыуардын
Иуцгәырӷьо духашҭуеит, иуцҵәыуа духашҭӡом. Нанҳәамза аиҩшамҭа, 1992 шықәса. Аибашьра, ашьа, аиашьа… Шьагәыҭк змоу арҭ ах-ажәак ирымчу адунеи иабеит, шықәсык инацны Аԥсны агәы иҭаҵәыуо, ахлымӡаах ианалаԥшуаз аамҭазы. Аибашьра аналага аҽныҵәҟьа зыԥшрак ҟамҵакәа…
Аиаша ҳәатәыми, хатәгәаԥхарала еибашьра иааз рҟынтә ижьышуаз-ишьашуаз уаҩ дыҟамызт – Аԥсни аԥсуааи рыхьчара акәын ахықәкы хада, ахықәкы заҵә. Уи арахь иаанагон ақәыԥшӡақәа реиԥш, зуаҩыбжара иҭагылаз ахацәагьы. (Ақырҭқәа ирыдгылоз украинаа ракәымзар, урҭ ргыгшәыграқәа аҭоурых иадыруеит).

Аиҳараӡакгьы аҟабардақәа, адыгаа рхатәы трагедиак еиԥш ирыдыркылеит аԥсуаа ҳзыниаз азалымдара. Аибашьраан мызқәак Нальчик иԥхьаркыз Аԥсны Жәлар рпоет Баграт Шьынқәба иҩуан:

"Арантәи инаргоз иҭахаз афырхацәа анышә иахьарҭоз снеиуан, срыдашшылон. Уаӷеимшхара, зԥа дышьны заԥхьа дықәыз анацәеи абацәеи! Алаӷырӡ зхыҵәалоз рыблақәа џьарамзар џьара ихысымбаалеит гәынҷыхьа хьшәшәарак, уи аҭыԥан урҭ исарҳәон: "Аиашьа дыҟазароуп аиашьа изыҳәа!"

Шәаԥхьарц ишәыдаагалоит Аԥсны инхо, ҳабзиа-ҳацәгьа иалахәу Ҟабардатәи ахатәгәаԥхарауаҩ, аҭоурыхҭҵааҩ Асланбек Марзеи иҿцәажәара, хшыҩзышьҭра зуҭаша ииҳәаз рацәоуп. Аԥсны Афырхаҵа иҿахәы илырҳәеит ажурналист Елеонора Коӷониаԥҳа. Иҭоуп абра>>

Афото ©️ Саида Ҳаџьым

🧡 Ахьыуардын шәақәтәа
Please open Telegram to view this post
VIEW IN TELEGRAM
👍96
This media is not supported in your browser
VIEW IN TELEGRAM
"Дунеи ду иахшәырҵәа хьырҵәаҵәа дгьыл шшәымоу;
Ажәытәӡа ҳшаԥшәымац, уажәыгьы ҳшаԥшәымоу.
Ҳабацәа рабацәа рхаҵара шшәылоу,
Ҳамцахәқәа мыцәарц, ахымцагь шәшаԥыло.

Харада икнарҳаз – зегьы-зегь рзынгьы,
Ҳанацәа ирхыргаз – зегьы-зегь рзынгьы.
А́хара ихырҵаз – зегьы-зегь рзынгьы,
Ҳиааирақәа ирхьымӡаз – зегьы-зегь рзынгьы..."
Рушьбеи Смыр

🧡 Ахьыуардын шәақәтәа
Please open Telegram to view this post
VIEW IN TELEGRAM
🔥117
This media is not supported in your browser
VIEW IN TELEGRAM
🌬 Ҳажәаҳәа ҳарҭбаап:

Аԥшарны́ҟәага
– ветродвигатель;
Аԥша́даас – порывистый ветер;
Аԥшаӷьы́ – резкий ветер;
Аԥшахьы́ – холодный ветер;
Аԥша́рхь – бриз;
Аԥша́ргьгьасмерч;
Аԥша́тлакә, аԥше́илаҩынт – вихрь;
Аԥшаҩа́ – суховей;
Аԥша́быжьҟьа, аԥше́иҿас, аԥше́иужь – сквозняк;
Аԥшашәа́га – ветромер
Аԥша́какан – зрелый орех, падающий от ветра;
Ԥша́мза – Март.

🔸 Аԥша дақәтәоуп – он несерьезный, ветреный человек;
🔸 Аԥша икәадыруеит – он очень скор, проворен, расторопен;
🌪 Аԥша лоуҵар афырҭын ааурыхуеит. (Посеешь ветер – пожнешь бурю).

Ахыҵхырҭа: Владимир Касланӡиа "Аԥсуа-аурыс жәар"

🧡 Ахьыуардын шәақәтәа
Please open Telegram to view this post
VIEW IN TELEGRAM
👍134
🧩 Ажәахырҿиаара

🥅 А́мба
(ворота в спорте)

Аԥсуаа рмилаҭ хәмаррақәа ирхылҿиааз жәытә ажәоуп. Аханатә "амба" ҳәа иашьҭан ахәмарҩы илақәа хҩаны лабала иқәиҟьараны иҟаз аҵәышьаҟа: а-м-ба (иумбо), букв.: невидимое.

Ус ишааиуаз, ампыл асрақәа раан иадырсуаз ашьаҟақәа амба / амбашьаҟа ҳәа рзырҳәо иалагеит, ҩ-шьаҟак рыбжьарагьы амба ахьӡхеит. Забить в ворота – амба аҭаршәра ⚽️

🔸 Аламала убла иҵамшәо ауаҩы изы ирҳәоит аԥшӡы́ даҩызоуп // амба даҩызоуп ҳәа.

Ахыҵхырҭа: Валери Кәарҷиа иусумҭақәа реизга I атом, 346.

#ажәахырҿиаара

🧡 Ахьыуардын шәақәтәа
Please open Telegram to view this post
VIEW IN TELEGRAM
👍13
Ахьыуардын
🧩 Ажәахырҿиаара 🥅 А́мба (ворота в спорте) Аԥсуаа рмилаҭ хәмаррақәа ирхылҿиааз жәытә ажәоуп. Аханатә "амба" ҳәа иашьҭан ахәмарҩы илақәа хҩаны лабала иқәиҟьараны иҟаз аҵәышьаҟа: а-м-ба (иумбо), букв.: невидимое. Ус ишааиуаз, ампыл асрақәа раан иадырсуаз ашьаҟақәа…
🌙 Иаха амзаҿа гылеит, аха ишаԥу еиԥш, иаразнак иаҳбарҭахаӡом. Ахшьырԥ асахьа аманы хьы-рахәыцшәа икыдлаанӡа, амзадара аныҟоу абарҭ ҩаха аԥсшәаҿы "ажәы́мбара" ҳәа ирышьҭоуп (безлуние). 🌚

🌾 Ари ажәа даҽа ҵакыкгьы шьҭнахуеит. Аҽаҩра ҿыц еилазазо амхы иҭагылоуп, аха аҿыхра макьана изаауп, арахь аҽаҩра жәытә нҵәарц егьагым – абри аамҭагьы ажәымбара ахьӡуп.

Зынӡа еицәыхароу еилкаарақәоуп уҳәап, аха еицырзеиԥшу ҵакуп а́мбара.

Хәмаршақә, ҳахьтәоу амза ацлара-агхара "хьыӡраҳтәит":

🌙 Аххьа-магана (золотой серп)
🌒 Ахыц (дугообразный лук)
🌓 Ашьынка-са (долька дыни)
🌕 Абла-заҵә (одинокий глаз)

Шәаргьы шәвариантқәа анышәҵа. 🌝

🧡 Ахьыуардын шәақәтәа
Please open Telegram to view this post
VIEW IN TELEGRAM
👍86
"Исгәаԥхоит уҟазшьа,
Алым уеиԥшуп уанықәԥо,
Уара уҩыза аҩыза
Сара еснагь дысҭахын..."

Апоет, ашәаԥҵаҩ, аибашьҩы Аркади Кархалаа иахьа дҳалагылазҭгьы 60 шықәса ихыҵуазаарын.

Анцәа абаҩхатәра анишоз Гәыԥаа рҵеи изы дамеигӡеит, ихышхыҵәо илан. Ашкол дышҭаз ажәеинраалакәа иҩуа далагеит, ажурналқәа "Алашареи" "Амцабзи" дыркьыԥхьуан.

Арра-мшынтә флот аҟны имаҵура ихганы данаа Очамчыра араион акультура аханқәа рҿы музыкантс аус иуан. Аибашьра алагаанӡа Аԥсуа гвардиа далалеит. Аӷа данқәыла иԥсадгьыл ахьчара дазгылеит. Ажәалагьы абџьарлагьы дхысуан. Абжьы цқьа ихан, иашәақәа рыла аруаа ргәы шьҭихуан, ирӷәӷәон, иҟажон.

Аибашьра ашьҭахьгьы иабџьар шьҭеимҵеит, аҳәаахьчара ицоз дреиуан. Дҭахоит 2002 шықәса цәыббра 25 рзы Егры аӡиас аԥшаҳәаҿы иуалԥшьа шынаигӡоз, 40 ихымҵыцызт...

Иара уи ашықәсан иҭыҵит Аркади Кархалаа иажәеинраалақәа реизга "Аԥра шкәакәа", аԥхьажәа ссир азиҩит аибашьра амшала згәаҵәа былхьаз Аԥсны Жәлар рпоет Витали Амаршьан.

Аркади Кархалаа аибашьра иалиааз еицырдыруа иашәақәа иреиуоуп "Ақьаса", "Алаӷырӡқәа", "Егры ахықәан", "Ауаҩы дысшьит" уҳәа егьырҭ.

Асахьа: аҭаацәа рархив аҟынтә

🧡 Ахьыуардын шәақәтәа
Please open Telegram to view this post
VIEW IN TELEGRAM
🙏113👍2
Ахьыуардын
"Исгәаԥхоит уҟазшьа, Алым уеиԥшуп уанықәԥо, Уара уҩыза аҩыза Сара еснагь дысҭахын..." Апоет, ашәаԥҵаҩ, аибашьҩы Аркади Кархалаа иахьа дҳалагылазҭгьы 60 шықәса ихыҵуазаарын. Анцәа абаҩхатәра анишоз Гәыԥаа рҵеи изы дамеигӡеит, ихышхыҵәо илан. Ашкол дышҭаз…
Апоетҵәҟьа ицәаҳәак алагьы дудыруеит. Шәахәаԥш, шаҟа икәеикәеиуа Аркади Кархалаа илирика, "Хьыбла" захьӡу, ақәыԥшра ацәа хаа зхоу иаԥҵамҭаҿы. Иааҳгоит 2014 шықәсазы иҭыҵыз абзиабаратә жәеинраалақәа реизга "Бызбоит, бызбоит, бзиа бызбоит" аҟынтә.

Сара сцасҳәа акыркыр быччоит,
Бара бтәала са сыбжьо џьыбшьоит.
Хычча-хәмарра шьҭа иазхоит, баҟәыҵ,
Са издыруеит сшалоу ба быԥхыӡ.

Цасҳәа сбымбаӡоушәа ҟабымҵан,
Аха мап, ибысҭаӡом гәыбӷан.
Усҭахӡам ҳәа бҳәаргьы быгәра згом,
Ба ибызӡаргьы былақәа ируӡом.

Хьыбла, сышәҭ еинаала, иалоу са сразҟы,
Қәыԥшроуп сгәаҵа иҭала, бааи, бнапы сыркы.

Хьыбла, бсахьа еинаала сҿаԥхьа еикәаԥхоит,
Схьаҵуам ус мариала, зегь акоуп быстәхоит.

🧡 Ахьыуардын шәақәтәа
Please open Telegram to view this post
VIEW IN TELEGRAM
9👍2
📌 Ажәа бзиоуп

Аԥсы́быб
– аԥша ишьҭнаԥаауа аӡы ацыԥхь ссақәа (водяная пыль)

Асахьаҿы: Аԥсны иреиҳаӡоу аӡхыҽҽа Адауы
(Хәаџьал), Тҟәарчал араион, шә-метрак иахьаҳраку ихшәаны илеиуеит.

#ажәа_бзиоуп

🧡 Ахьыуардын шәақәтәа
Please open Telegram to view this post
VIEW IN TELEGRAM
👍92😍1
Ахьыуардын
📌 Ажәа бзиоуп Аԥсы́быб – аԥша ишьҭнаԥаауа аӡы ацыԥхь ссақәа (водяная пыль) Асахьаҿы: Аԥсны иреиҳаӡоу аӡхыҽҽа Адауы (Хәаџьал), Тҟәарчал араион, шә-метрак иахьаҳраку ихшәаны илеиуеит. #ажәа_бзиоуп 🧡 Ахьыуардын шәақәтәа
Ҳаԥхьаҩ ихаҵкы, Хәаџьал ихыҽҽаны илеиуа абри аӡы ахьӡ ҳаҵаиҳәеит: Ахәыӡга. Аҵакы иахьалацәажәо акгьы ҳзымԥшаацт, аха ашьаҭаҿы иҳамоу "ахәыӡ" (просо) акәзар, даара аинтерес аҵоуп. Избанзар Дәрыԥшь, Ебырныха аҳаблан иҟоуп убасҵәҟьа хьӡы ссирк зху аӡыхь: Ашырӡы́хь (Арқәа иҵыҵуеит, Дахәара иалалоит).

Ари аӡыхь ахьӡ шаиуз ҳәа еиҭарҳәо ажәабжь аниҵахьан абызшәадырҩы Валери Кәарҷиа, иаагоуп "Аԥсны атопонимика" захьӡу ишәҟәаҿы.

"Арӡынаа ашәуак дӷьычны аҩныҟа дааргеит. Ауха, аӡы агьама аниба – ари Нхыҵынтәи иаауеит, ҳӡыхь ауп иҳәеит. Доурышьҭын Нхыҵ данца ашырӡи ахәыӡи ҭеиԥсан ара икылангеит. Убри иныркны Ашырӡы́хь ҳәа иашьҭалт".

Иарбанзаалак аӡыхь ахатә гьама амоуп, ҳәарада, узышьцылаз аламалагьы иухашҭӡом. "Шәӡы шԥахаау, ажәра шԥабзиоу" рҳәоит. Аанда зыбжьоу агәылацәа рҵеиџьқәа ирҭутаз аӡгьы гьамала зынӡа ианеиԥшым ыҟоуп. Аӡыхь – адгьыл акыкахш, Шьалодиа Аџьынџьал иажәақәа рыла иуҳәозар.

🧡 Ахьыуардын шәақәтәа
Please open Telegram to view this post
VIEW IN TELEGRAM
👍113
Ахьыуардын
"Ихара ааигәамхацызт, иҩба хԥамхацызт". Абас рҳәоит зықәрахь инеихьоу, аха макьана зымч ҭоу ауаҩы изкны. Аԥсшәа иалоу абри аидиома сахьарк аҵакы дахцәажәоит абызшәадырҩы Анатоли Хьециа истатиақәа руак аҿы. • Ихара ааигәамхацызт – иблабара иагымхацызт,…
Уажәы алахтыра ду ҟалеит, дад. Аҳаҭыреиқәҵашьа, гәшаҭарала аицәажәашьа рҵоит ауаа шәҟәыла-быӷьшәыла. Ажәытәан ажәабжьҳәара акәын хшыҩырҵагас иҟаз.

Мҩасҩык дышцоз, данынаԥш, зықәрахь инеихьаз хаҵак имацара заҵәык амхырҭа дҭагыланы дшырашәоз дибеит. Ицәымыӷхеит, дагьрыцҳаишьеит. Иаахтны иеиҳәар, игәаҟра изымхошәа, саргьы иацсҵоит игәахәын, днахыкәшаны, ус ҿааиҭит:
– Бзиа ууит!
– Бзиара убааит! – иҳәеит зымацара ирашәоз.
– Шьыжьы узымгылазаап, – иҳәеит амҩасҩы.
– Шьыжьы сгылеит, аха сеиқәымшәеит, – иҳәеит ирашәоз.
– Уҩба шԥаҟоу? – ихәеит амҩасҩы.
Сыҩба хԥахеит, – иҳәеит ирашәоз.
– Ухара шԥаҟоу? – ҳәа днаҵааит имҩасуаз.
– Сыхара ааигәахеит, – иҳәеит ирашәоз.
– Угәӡара зеиԥшроузеи? – иҳәеит амҩасҩы.
– Сыгәӡара џьаџьахеит, – иҳәеит ирашәоз.
– Умаӡа зеиԥшроузеи?
– Сымаӡа аргамахеит, – иҳәеит зымацара ирашәоз.

Еилукаама, дад, урҭ реицәажәара?

◽️ Шьыжьы узымгылазаап ҳәа зиҳәаз, имацара амхырҭа дҭамзи, иануаамҭаз, уаныҷкәыназ ԥҳәыс дааугазҭгьы, иуцхандеиуаз аҷкәын дувамгылози ҳәоуп. Ирашәозгьы, иаармаананы, иансааз, саныҷкәыназ ԥҳәыс даазгагәышьеит, аха сеиқәымшәеит, хшара дысмоуит иҳәеит.

◽️ Уҩба шԥаҟоу ҳәа дызиазҵааз, иҩшьапык рзыҳәаноуп. Сыҩба хԥахеит иҳәеит егьигьы. Ҩ-шьапык сымоуп, аха сшьамхқәа кәадахеит, алабашьа сымкыр ауам ныҟәара санцо ҳәоуп иаанаго.

◽️ Ухара шԥаҟоу зиҳәазеи? Уҩблак ихараны ирбома ҳәоуп. Ихараны исызбом, иааигәахеит сылаԥш иҳәеит егьигьы.

◽️ Угәӡара зеиԥшроузеи зиҳәаз, ухаԥыцқәа еибгоума, ибзианы иҟаҟаны акрузыфома ҳәа диазҵааит. Егьигьы аҭак шыҟаиҵаз умбои, сыгәӡара џьаџьахеит иҳәеит. Иџьаџьаны акәгәышьоуп ишысфо иҳәеит.

◽️ Умаӡа зеиԥшроузеи зиҳәазеи? Ауаҩы ибжьы рхәыҷны иуеиҳәар иуаҳауама, улымҳақәа ирыгхахьоума ҳәа диазҵааит. Ауаҩы ибжьы рдуны исеимҳәакәа исаҳауам, сымаӡа аргамахеит иҳәеит егьигьы.

Абас, дад, гәшаҭарала, маанала аицәажәара рдыруан ажәытәан. Уазхәыцыр, ихшыҩрҵагоуп.

Џьума Аҳәба иҩымҭоуп

🧡 Ахьыуардын шәақәтәа
Please open Telegram to view this post
VIEW IN TELEGRAM
👍126
Ашәарыцаратә бызшәа змоу аԥсуаа ҳамацара ҳакәӡам, зкультура иарҿиаз амилаҭқәа рацәоуп, иззеиқәхаз маҷуп умҳәозар. Иаҳҳәап, Кавказ жәларқәа рҟынтә ҳареи ауаԥсааи ҳҿоуп аԥсы ахьҭоу: амала ауаԥсаа рҿы аԥсахәага ҭоуп уҳәар иаҳа ииашоуп, 40-ҟа ажәа роуп ирзаанхаз. Аԥсуаа ҳаугозар, аҵарауаа ианырҵахьоу ашәарыцаратә ажәақәа 200 инареиҳауп, ирацәоуп адиалекттә вариантқәа.

Аурыс бызшәаҿгьы ашәарыцаратә лексика даара ибеиан, XIX ашәышықәсанӡа ахархәара ҭбаан, ареволиуциа ашьҭахь еиԥхьбеит. Ҿырԥшык аҳасабала, урысшәала ашьҭазааҩ изы "висит на хвосте" рҳәоит, ари афраза ашәарыцаратә бызшәахьтә иаагоуп, изызкугьы амаҵуар лоуп (гончая собака).

Иахьатәи аԥсуа шәарыцацәа хазы игоу атерминқәа рдыруеит, зхы иазырхәогьы ыҟоуп. Иахьынӡаҳдыруа гәаҳҭап ҳаргьы. (Аҭакқәа ҵәахуп, шәахкьыслар зегь еицаатуеит).

Алаҷа́ҷ, арԥха́га – амца
Аҟәшәа́ – ачуан
Аԥа́жә, аԥы́жәа – абысҭа
Ача́га – аҳәызба
Аҭархәла́г – амҳабысҭа
Ами, амы́ҩа – аӡы
А́миҟәанда – ашьа
Аӡлаба, ахәԥхьа́ – аџьыка
Ашлаба́ – ахырҵәы
Шьапы́да, шьапҟьа́ҟьа – аҽы
Амҳацә ду – аҽада
Ашьа́ҩа, агада – ашьабсҭа
Хылкь – абӷаб
Ацәыблы́ – адумпеи
Ахәы́мш, акәры́ – ацыӷ
А́маӡа, аҿы́мш – ала, ақәыџьма
Аҳәаза́ – амаҭ
Ахрыԥхага – ахҭырԥа
А́цәымш – ашәарыцаҩ
Амаса́ба, абчара́ҳ – ашәарыцацәа реиҳабы
Агәа́ҷ – аиҵбы (аҷкәын)
Аза́ԥ – ашәақь
Шьапа́жә, дамач – амшә
Ҿа́хәа – аԥслаҳә, ақәасаб
Ақәԥа́шька, аҵаргәа́га – алабашьа
Агәы́гәырҭа – аҩны
Калҭо́у – аԥҳәыс
Калҭо́у гәаҷ – аҭыԥҳа

Адгьыл мшы – ахра бааԥсы
Дымшхеит – дҭахеит
Заҟа ургәы́гәзеи? – заҟа ушьызеи?
Сзеиза́ԥыз сыргәы́гәт – сзеихсыз сшьит.

Ашәарыцаратә бызшәа ажәақәа ааҳгоит Аполлон Шьынқәба иҿцәажәараҟынтә, Валентин Кәаӷәаниеи Жьужьа Ақаҩбеи рышәҟәқәа рҟынтә.
👍104🔥1💔1
🥷🏻 "Удырҩатә еиӷьхааит!"

Абас иԥылоит дманшәалаханы аҭыԥ ахь, ма зыҩныҟа ихынҳәуа ашәарыцаҩ. Ари аԥсышәаҳәароуп, адныҳәалароуп, иагьзеиӷьшьароуп. "А́дырҩатә" ажәа ҳаамҭазы хазы ахархәара амаӡам азы аҵакыҵәҟьа иазхәыцуа маҷуп, иара иаанагоит "в следующий раз".

"У́дырҩатә е́иӷьхааит!" – досл.: пусть твой следующий выход будет еще удачнее!

Ашәарах анахысгьы аԥсуаа зеишәарыцақәо:

Ачашәара (охота на перепелов);
Ашьхышәара (добыча дикого меда);
Аҳәыҳәшәара (охота на голубей);
Акәтышәара (охота на фазанов);
Акәаташәара (охота на уток);
Ахьшьшәара (охота на ястребов);
Ацыӷшәара (охота на куниц).

🧡 Ахьыуардын шәақәтәа
Please open Telegram to view this post
VIEW IN TELEGRAM
👍9🔥3
Ашә тазыла, ахарҵәы жәпа... Иҵыкәкәам абарақьаҭра есҽны ирымпыҵыҵуеит Ҵабал арахә зааӡо Амҷаа рҭаацәара. Хкырацәала ахшлых ҟарҵоит, аԥсуаа ҳашәқәа рыдагьы, европатәи агьамахаақәа (аҩы, акакан, ашьыхә, аҵыбра, ахәысхәақәа аҭаны), ахәаԥа зырҳауагьы уахь иналаҵаны. Зынӡа 20 хкы инарзынаԥшуа. Ауаа ирдыруа иҟалахьеит.

Ҳәарада, ахьа́ра ду аҭыԥ ақәҵара мариаӡам, аха уус угәы ақәкны уанаҿу, уҩны аҳәоуеиқәшәара аныҟоу, уџьабаа бзабааны иуԥымлар ауӡом.

Шәазыӡырҩырц ишәыдаагалоит арадио Sputnik адырраҭара "Сара сус" ахь ааԥхьара заҳҭаз аҭаацәа ран Мадонна Кьиут лыҿцәажәара, уаҟара уцлоит>>

🧡 Ахьыуардын шәақәтәа
Please open Telegram to view this post
VIEW IN TELEGRAM
👍11🔥3
Басиаҭ илафк аацәыраҳгахп, зны-зынла угәы ухауршҭлароуп.

Ԥҳәыск лабхәа дыԥсын, дылџьабон. Даараӡа лгәы далсызшәа ауаа лхы длырбон, ачгахьада акы лҿы инҭалмыршәозшәа ҟалҵон. Арахь маӡала ахаа-мыхаақәа лфозаарын. Ҽнак ашәаӡа шылфоз ланхәыԥҳак дылбеит.
– Ари ибфо закәызеи? – лҳәан дҵааит ланхәыԥҳа.
– Ааи, сыԥсында, акы самгаргьы акы ҳәоуп ашәаӡа зысфо, – лҳәеит "иақәыркыз".


#аԥсуа_лафқәа

🧡 Ахьыуардын шәақәтәа
Please open Telegram to view this post
VIEW IN TELEGRAM
🤣11👍2
Ҩыԥсара ахаҳәлеирақәа ахьырацәахаз зыхҟьо ашыц ахыӡаара акәзаап, абри атәы иҳәеит амедиаклуб "Аԥсны иахьа" зыҿцәажәаз Риҵатәи амилаҭ ҳәырԥсарра адиректор Адамыр Багаҭелиа.

Ашыц аҳацаҟьа иалиаауан, адацқәа аларԥсны иакын, еибарӷәӷәон. Аха, ишдыру еиԥш, ахәаҷа бааԥс амшала шықәсқәак раԥхьа иҵҩаауа иалагеит, абӷаҵысра нызкылашаз амчгьы кәадахеит. Адацқәа рҭыԥан аҭцәаарақәа инхаз қәыршҩык ҭалацыԥхьаӡа ахаҳә алнарҟьар ҟалоит.

Аԥсабаратә еибаркыга аныҟамла, даҽа хыхьчашьак рыӡбаанӡа, ауаа уаҟа рнеиааира шәарҭоуп, азингьы ыҟам.

🧡 Ахьыуардын шәақәтәа
Please open Telegram to view this post
VIEW IN TELEGRAM
😢9
📌 Ажәа бзиоуп

Ауа́ҩа
– пригоршня

Ҩ-уаԥсҵәык акны ианааидукылалак иалҵуа агәаҩара.

• Иуа́ҩа азна араса лкалҭ инаниԥсалеит – Он насыпал ей в подол пригоршню фундука;
• Иуа́ҩала зны аӡыхь неиҿеиҟьан, нас игәарԥханы ижәит – Он набрал ключевой воды пригоршнями, брызнул себе на лицо и потом с удовольствием выпил.

"Ауаҩа" жәытә аԥсышәоуп уҳәаратәы иҟоуп, -уа агәаҩара аҵакы аманы иахьаҳԥыло ажәақәоуп иара убас: ауа́ра (логово медведя, длинная пещера), ауа́ҵа (старинное название чана из цельного ствола дерева), ауа́рԥа ("амҳаҵә" ашәарыцаратә бызшәала), ауаԥсҵәы́ // ауа́ԥшаҵә (горсть).

#ажәа_бзиоуп

🧡 Ахьыуардын шәақәтәа
Please open Telegram to view this post
VIEW IN TELEGRAM
👍102
🍐 Уажә ааигәа ашәыр еихаҳара, абаҳчааӡара иазҟазоу аӡәы ҳиҿцәажәон. Аҳа ахкыжәлақәа жәохә еиқәиԥхьаӡеит. Иџьаҳшьеит. Шәҟәыла ишьҭаҳхзар — 25 инареиҳазаап.

Аберҳа, аӡынҳа, акырпыжәҳа, акәапеиҳа, акьафырҳа, ақәышьарҳа, ақәыԥсҳа, алацанҳа, алагәанҳа, алуҳа, ацхарҳа, аҳаӡа, аҳаԥшь, аҳаҩежь, аҳапаҿ, аҳапеҩ, аҳаша (аҳаш // аҳаҷҷа // аҳасса), ахәыҷҳа, ачарқьазҳа, аҽадҳа, ашьақарҳа, баӷиҳа, баҭиҳа, зачиҳа, нанҳәаҳа, ахәыӡҳа́, ахәажәа́ (арҭ ажәар аҟынтә иаагоуп).

Аҳаши аҳаҷҷеи акоуп, амыӷ злыҳәҳәо, абнаҿ зхала иҿио ҵиаауп, амч амоуп ҳәа рыԥхьаӡон аԥсуаа, аҭәҳәақәа рҿы алаԥшцәгьа изы "аҳасса ықәзырҩааз", "аҳасса зырхәаз", "аҳаҷҷа иалыҩрыз" рҳәоит, абӷьы хәшәуп. Аҳаҷҷа иалҵуа абақьмазгьы аӡы иаларҩынтны зшоура халаз ирҭон, аԥхӡы илнахуан, ишоура артәон.

Абынҳажәлақәа рахь иаҵанакуеит иара убас ақәыԥсҳа, алуҳа, аҽадҳа, акәапеиҳа. Шәара зегь реиҳа бзиа ижәбо арбан?

Хыҵхырҭас иҳахәеит Оҭар Ӡиӡариеи Цира Габниаԥҳаи рышәҟәқәа. Абақьмаз шыҟарҵоз шәаԥхьар шәылшоит абра>>

🧡 Ахьыуардын шәақәтәа
Please open Telegram to view this post
VIEW IN TELEGRAM
👍134🥰2
Ахьыуардын
🍐 Уажә ааигәа ашәыр еихаҳара, абаҳчааӡара иазҟазоу аӡәы ҳиҿцәажәон. Аҳа ахкыжәлақәа жәохә еиқәиԥхьаӡеит. Иџьаҳшьеит. Шәҟәыла ишьҭаҳхзар — 25 инареиҳазаап. Аберҳа, аӡынҳа, акырпыжәҳа, акәапеиҳа, акьафырҳа, ақәышьарҳа, ақәыԥсҳа, алацанҳа, алагәанҳа, алуҳа,…
Ақәыԥсҳа́ адольментә культура иахаануп ҳәа агәаанагара ыҟоуп.

Аԥсуаа жәытәнатә аахыс иалкааны ирыман ари аҵла: ахацәа нагақәа, аибашьцәа рыбаҩ адамра иҭарҵаанӡа ацә ацәа илаҳәаны иахьықәырҵоз, ма иахькнарҳауаз иара акәын ҳәа лыҩуеит Цира Габниа. Абри ажәабжьны ианылҵеит Борис Џьонуа иҟынтә. Ажәа ахаҭа еиҿлыршәшәоит абас: ақә + аԥсы + аҳа "аԥсы дызқәу аҳа" ҳәа.

Аԥсны жәлар рсахьаҭыхҩы Баҭал Џьапуа ари ажәабжь амотивқәа рыла "Аԥскнаҳара" захьӡу аусумҭа аԥиҵахьеит.

🧡 Ахьыуардын шәақәтәа
Please open Telegram to view this post
VIEW IN TELEGRAM
👍14
Ахәыҷы ҵәыцак азна аӡы уиржәзар "Аӡашәа иузҳааит!", "Ӡашәа уԥсынҵры духааит!" ҳәа дырныҳәоит. Аӡы узыркыз аду иакәзар, иҳәатәуи?

• "Аӡы амч уоуааит!"

• "Аӡы ыҟанаҵ адунеи уагымзааит!"

• "Аӡы шыцәоу иубааит!"

• "Аӡы лыхәҭала ашьха иганы иаазгаанӡа адунеи уагымхааит!"

Асахьа © Fotolia / Sondem

🧡 Ахьыуардын шәақәтәа
Please open Telegram to view this post
VIEW IN TELEGRAM
👍117