Ахьыуардын
1.26K subscribers
1.38K photos
220 videos
1.66K links
Ахьыуардын — аԥсуа бызшәеи, аҭоурыхи, акультуреи ирызку апроект ҷыда. Напбзиа-шьапбзиа ахьыуардын дақәтәоуп. Шәҳацла: ахьы хәыҷуп, аха шәкы ицоит, аӡә дышәҩыкны дҳаԥхьаӡоит.
Download Telegram
Ахьыуардын
"Ихара ааигәамхацызт, иҩба хԥамхацызт". Абас рҳәоит зықәрахь инеихьоу, аха макьана зымч ҭоу ауаҩы изкны. Аԥсшәа иалоу абри аидиома сахьарк аҵакы дахцәажәоит абызшәадырҩы Анатоли Хьециа истатиақәа руак аҿы. • Ихара ааигәамхацызт – иблабара иагымхацызт,…
"Алаба" злоу аԥсуа жәаԥҟақәа:

🟠 Ҩыза дызмамыз илаба арсны дазҵаауан.

🟠 Аиҳабы дыҵҟьаҩхар, аиҵбы лабақшаҩхоит.

🟠 Ауаҩы хәахәеи – алаба хәахәеи.

🟠 Абӷаџьыҟә адамра дариашоит, ауаҩы хәахәа – алаба.

🟠 Ишәо ишәақь аҵкыс имшәо илаба.

🟠 Зымч маҷу илаба аууп.

🟠 Икшо алаба иоуеит.

🟠 Алаба зҟьар зҭаху ииҟьаша иԥыхьашәоит.

🟠 Лаба збаз лаба иҟьеит.

🟠 Абџьар гәыда алаба иаҩсуам.

🟠 Алашә илаба знык ауп ианицәыӡуа.

🟠 Апап илаба шыхиркәшоз импыҵанҵәеит.

🟠 Алаба ҟьашь ахы укыргьы уаҟьашьуеит, аҵыхәа укыргьы уаҟьашьуеит.

🟠 Ала иашькларҵо алаба ыӡӡом.

🟠 Алаапк иахәо алабоуп.

🟠 Иумам зегьы хьылабоуп.

Ахыҵхырҭа: А. Хьециа "Алексема "алаба" аԥсуа бызшәаҿы"

#ажәаԥҟақәа

🧡 Ахьыуардын шәақәтәа
Please open Telegram to view this post
VIEW IN TELEGRAM
👍9
"Шьыбжьонтәи аҭынчра"

Сымала сыҟоуп сара.
Ашоура хьанҭоуп.
Аҭынчрагьы, ашоуреиԥш, абра
Адунеи иахатәоуп.
Адгьылгьы шнеиуаз, абар,
Итәеит имқәацо.
Аҭакар,
Аҭакар,
Аҭакар,
Сазыԥшуеит иҳанто.
Таиф Аџьба

📖 Аҭака́р, аҟыршо́ура – зной, изнуряющая жара

🧡 Ахьыуардын шәақәтәа
Please open Telegram to view this post
VIEW IN TELEGRAM
👍10😍43
This media is not supported in your browser
VIEW IN TELEGRAM
"Аҭоурых анухашҭлак, иҳаҩҳажьуа анырацәахалак, иара убас иаҟазшьоуп – даҽазнык иамхаҟалахуеит. Ҳгәалашәара мырхәашькәа, уажәшьҭа ирызҳаит ҳәа ҳгәы ианаанаго ҳахшарагьы ирзеиҭаҳҳәалар, акахьы ҳкылымсыр ауӡом", – Илона Кәыҵниаԥҳа.

Иахьа Sputnik Аԥсны апресс-центр аҟны имҩаԥысит ажурналист Саида Жьиԥҳа еиқәлыршәаз агәалашәарақәа рышәҟәы "Ихәыз ахәыҷра" аӡыргара. Аизга иагәылалеит Аԥсны жәлар рџьынџьтәылатә еибашьра ихәыҷны иахаанхаз 30-ҩык рыгәҭахәыцрақәеи ргәалашәарақәеи. "Ацәаныррақәа рыршаҳаҭра" ҳәа азиҳәеит ашәҟәы аредактор, апоет Дырмит Габалиа.

Ахҭыс бзиа ажәа бзиа ахылҿиаауеит. Аӡыргараҿы ицәажәоз зегьы рықәгыларақәа даара аинтерес рыҵан, ахы инаркны аҵыхәанӡа шәахәаԥшырц шәылшоит абра >>

🧡 Ахьыуардын шәақәтәа
Please open Telegram to view this post
VIEW IN TELEGRAM
👍11
Ауаԥсаа (осы, овсы, ясы, языги, осетины) – аҭоурых ду змоу жәларуп, дареи ҳареи инеиԥынкылантәи ҳаимадарақәа зқьышықәса инареиҳауп. Ауаԥсаа раԥхьаӡатәи рқьырсиан ныхабаа зыргылаз аԥсуаа роуп (Х ашә.).

Аҵасқәеи ақьабзқәеи, ашәақәеи, ачысқәеи рыла акыр ҳаизааигәоуп. Иџьашьатәуп ҳажәлақәак рышьаҭақәа рыла иахьеиԥшугьы. Абас иҟоу ажәлақәа рсиа ааигоит аҭоурыхҭҵааҩ Омар Маан:

Абацаа – Бацоевы (Бацойта),
Агәасба – Гусовы (Гусата),
Анба – Анаевы (Аната),
Арсиа – Аршиевы (Арсита // Аршита),
Арҷелиа – Арчиловы (Арчилта),
Арынба – Арановы (Аранта),
Аҭеиба – Атаевы (Атайта),
Баалоу – Балоевы (Балота),
Бганба – Бигановы (Биганта),
Бжьаниа – Бежановы (Бежанта),
Гагәлиа – Гагулаевы // Гагуловы (Гагуылата),
Гьергьиа – Гергиевы (Гергита),
Гьериа – Гериевы (Герита),
Ӷәыблиа // Гәыблиа – Губуловы (Гуыбылта),
Гәыӡба – Гудзаевы (Гуыдзата),
Гәылариа – Гуларовы (Гуыларта),
Гәлиа – Гулиевы (Гулита),
Гәынба – Гунаевы (Гуыната),
Џьелиа – Джелиевы (Джелыта),
Ӡаӡба – Дзадзаевы (Дзадзата),
Зыхәба – Зикуевы (Зыхъуата),
Инал-иԥа – Иналовы (Иналата),
Лолуа – Лолаевы (Лолата),
Лыхәба – Лоховы (Лохата),
Магьба – Магаевы (Магата),
Малиа – Малиевы (Малита),
Ԥлиа – Плиевы (Плита),
Тамбиа – Тамбиевы (Тамбита),
Ҭарба // Аҭарба – Атаровы (Атарата), уҳәа иҵегь.

Аҵаруаа Никәа Марри Шьалуа Инал-иԥеи ирыҩхьан аԥсуа жәлақәа Осиа, Аланиа, Маланиа – ажәытәӡа Аԥсныҟа иааз уаԥсхылҵшьҭрақәоуп ҳәа.

🧡 Ахьыуардын шәақәтәа
Please open Telegram to view this post
VIEW IN TELEGRAM
👍124
Ахьыуардын
Ауаԥсаа (осы, овсы, ясы, языги, осетины) – аҭоурых ду змоу жәларуп, дареи ҳареи инеиԥынкылантәи ҳаимадарақәа зқьышықәса инареиҳауп. Ауаԥсаа раԥхьаӡатәи рқьырсиан ныхабаа зыргылаз аԥсуаа роуп (Х ашә.). Аҵасқәеи ақьабзқәеи, ашәақәеи, ачысқәеи рыла акыр ҳаизааигәоуп.…
Шәара ижәдыруазма ишҭыҵхьоу ауаԥс-аԥсуа жәар?

Жәаа шықәса инарзынаԥшуа Аԥсны аус зуаз ашәҟәыҩҩы, арҵаҩы Илиа Гаглоиты авторс дызмоу аҭыжьымҭа алашара абеит 2015 шықәсазы, еиднакылоит ԥшь-нызқь ажәа, афразеологизмқәагьы нацҵаны. Аредактор – Ирина Осиа.

📎 Ауаԥс алфавит аурыс графика шьаҭас иамоуп, аԥсшәеиԥш уигьы аамҭала алатин, ақырҭуа ҩырақәа рахь ииаргахьан. 1950-тәи ашықәсқәа раахыс ԥсахра ақәымкәа иааиуеит, ауаԥс бызшәаҿы ада уаҳа ҽаџьара иуԥымло нбануп Æ æ. Ауаԥс бызшәа хатәы бызшәас измоу рхыԥхьаӡара (Нхыҵи Аахыҵи ауааԥсыра еидкыланы) 600 нызқьҩык рҟынӡа инаӡоит, ус шакәугьы, иара аӡра ашәарҭара иҭагылоу абызшәақәа ирхыԥхьаӡалоуп.

🧡 Ахьыуардын шәақәтәа
Please open Telegram to view this post
VIEW IN TELEGRAM
👍10
This media is not supported in your browser
VIEW IN TELEGRAM
Ажәытәан Аԥсны, Гәыма ақыҭан инхоз, аԥхынра анааилак, Ашәыҟа ицозаарын. Уахь ианцоз ианаауаз аҳәсеи аҭаҳмадцәеи аҽқәа ирықәдыртәон, арԥарацәа шьапыла ицалар акәын, иаалар акәын.

Шықәсык зны Ашәынтәи ихынҳәны ишаауаз арԥарацәа руаӡәы дахьныҟәоз днеизҟәыҿы дкаҳазаап. Ари збаз иҩызцәа, иеиҳабацәа уҳәа ихаибагәан, ддыргылар рҭаххазаргьы, ишьапы дықәгыло дзыҟамлеит. Ус аиҳабацәа руаӡәы:
– Ари арԥыс дааԥсазаап, ҽык изааганы дақәшәыртәа, – иҳәеит.
Икажьыз арԥыс ари аниаҳа:
– Ҽы шәымҳәан, ҽада шәымҳәан, бысҭахьы шәҳәа, бысҭахьы, – иҳәеит ибжьы аарла иҭкаауа, амла даганы икаҳаз арԥыс.

Орҳан Шамба иҳәамҭоуп, ианиҵеит Џьума Аҳәба

🧡 Ахьыуардын шәақәтәа
Please open Telegram to view this post
VIEW IN TELEGRAM
👍122
Аԥсуаа рҭоурыхтә-фырхаҵаратә ашәақәа рҿы иуԥылоит ашьхаҭыԥхьыӡқәа маҷымкәа. Иаҳҳәап, абнагәы зызҭаз Ԥсҳәаа рҵеи Аџыр-иԥа Данаҟаи изку ахьыӡрашәақәа руакы аа-топонимк агәылоуп. Ааба рҟынтә хәба ҳдырит, егьырҭ рҿы ҳаицхыраап:

Заадан а́ԥсара зыхчымҳараз,
Арҟыз абаара хыла иҭзырбаз,
Уасеи-џьмеи еилазмыргылаз,
Ани ҷкәыни еибазмырааӡаз,
Аџыр-иԥа Данаҟеи хаҵа!
Аҟарач рхәаҿы аҽан алызцуаз,
Хшуаҭ аханы аҽымҩа ҭызгаз,
Уаа, Дамыр ахәаны зҳәынҷарҭаз,
Ламкыц архагьы зыԥсшьарҭаз.
Дау аҳәаҟьа зҽыбжьарҭаз,
Бақьбеи абахә маҳагьаҿы
Иаалырҟьаны зыԥсырҭахаз
Аџыр-иԥа Данаҟеи хаҵа!

🔎
Заада́н – Загедан (гора, река и поселок в КЧР), даҽакала: "Ԥсанаиан", иааигоит Хә. Бӷажәба;
Арҟы́з // Иарҟы́з – Архыз (КЧР) шьхароуп, аӡиа блахкыгақәа рацәаӡаны иамоуп;
Ла́мкыц – шьхоуп, Очамчыра араион иатәуп;
Да́у аҳәаҟьа – Доуская плоскость, Доу шьхоуп (1885 м.) Аҟәа араион иатәуп, До́уҳәаҟьа ҳәа еилангьы ирҳәоит;
Дамыр ахәы – ҳгәанала, Дамхәырц ауп.

Асахьаҿы ижәбо: Заадан ашьха ашьыжь амра агыламҭаз ©️ Via Est Vita

🧡 Ахьыуардын шәақәтәа
Please open Telegram to view this post
VIEW IN TELEGRAM
👍142👏2
Ахьыуардын
Аԥсуаа рҭоурыхтә-фырхаҵаратә ашәақәа рҿы иуԥылоит ашьхаҭыԥхьыӡқәа маҷымкәа. Иаҳҳәап, абнагәы зызҭаз Ԥсҳәаа рҵеи Аџыр-иԥа Данаҟаи изку ахьыӡрашәақәа руакы аа-топонимк агәылоуп. Ааба рҟынтә хәба ҳдырит, егьырҭ рҿы ҳаицхыраап: Заадан а́ԥсара зыхчымҳараз,…
Жәлар рфырхаҵа Аџыр-иԥа Данаҟаи шәақь чаԥах дук иман, Уаманыка ахьӡын, уамаӡак акәын, абжьала ирдыруан жәлара. Аишьцәа Џыраа еимдо иркын, аха еиҳараӡак зыхәда ихшьыз Данаҟаи иакәын. Усҟан (200-ҟа шықәса раԥхьа) аԥсҭыр, аимҵәацәа хыҵны ианқәылоз аамҭақәан, хаҵароуп ҳәа иԥхьаӡан, аха Џыраа рхыԥша ӷәӷәан азы, Ԥсҳәы аламала уаҩ дызҭаломызт. Данаҟаи Багада ацаҟьа ақәцәан абааш дықәгыланы днаԥшы-ааԥшуан, анаӡара аӷа ихы днықәԥшыр, ар еизганы рымҩа икуан.

Убас еибашьрак аан дызгара ахы иқәшәагәышьеит Данаҟаи. Иҭахара шыҟалаз еиуеиԥшымкәа еиҭарҳәоит, аха уажәы изхаҳҳәаауа Уаманыкоуп. Аԥсуаа аиха иалху абџьар, иара ус аихаԥсыхә зегьы амагиатә мчы амоуп ҳәа рыԥхьаӡон, "Аихаԥсыхә алԥха ҳамазааит!" ҳәа аныҳәаҿа ыҟоуп, ажьира ныхацырҟьоуп рҳәоит, архнышьна кны иқәуеит.

Данаҟаи ишьа зларузгьы иара инапала еиҵеиҵахьаз ишәақь акәын! Раӷа ианихьԥшы Уаманык дадырын, "иаақәыцы-мыцит" ҳәа азгәарҭон ажәабжьҳәацәа. Ажәакала, "Сшьа зуаанӡа анаҟә ада фатә сымамзааит!" ҳәа инҭыҵыз иашьа Умар иус ԥшьа нагӡаны дхынҳәит хымш ахмырҵкәа, аҳазыркалам азна раӷа ишьа таны иааигаз Данаҟаи дахьжыз игәгьы инықәиҭәеит. Аамҭа џьбарақәа, аха шаҟа романтика рыҵаз...

🧡 Ахьыуардын шәақәтәа
Please open Telegram to view this post
VIEW IN TELEGRAM
👍104
"Ари аҳәызба уаҿагылан Сҭампыл уцап" ҳәа ззырҳәаз аҳәызба зеиԥшроуи?
Final Results
64%
Ицагәоуп
19%
Иҵаруп
16%
Идууп
👍172
Агәахәара ду урҭоит ажәытәра бзиа иазхьаԥшуа аҿар! Ирацәаҩымзаргьы, ус иҟоу рҿы ҳаиқәырхоуп.

Сандро Аӡынбеи Алмас Адлеибеи аԥсуа ӡахәажәлақәа рааӡоит, ргәы-рыԥсы зегь адкыланы, дырралеи ԥышәалеи рҽеибыҭаны зус иаҿу иреиуоуп. Аҩы цқьа ҭарҭәоит, рбызшәагьы аӡеиԥш ицқьоуп. Рқәаҵақәа еикәаҭәы Анцәа идирбалааит!

Арԥарацәа рцәажәара аԥсуа иҭхаџьра ацәа хаа ҳзыннажьит, шәазыӡырҩырц шәылшоит абра>>

🧡 Ахьыуардын шәақәтәа
Please open Telegram to view this post
VIEW IN TELEGRAM
👍9
🟠 "Уахьцо уаалеит!"

Абас иарҳәоит акыраамҭа дынханы, харантә иааз ауаҩы. Хыԥхьаӡара рацәала иҳамоу аԥсшәеибыҳәашьатә формақәа ируакуп, изхылҿиаазгьы ашьхарыуаа ҳаибашьратә культуроуп. Уахьцо уаалеит ҳәа аханатә изарҳәоз аибашьҩы – ахаҵа иакәын хьыӡрацарантә лыԥхала, деибга-дызҩыда, аҷан имангьы даныхынҳәуаз.

🟠 "Уара умсит", "Ухаҵкы сцеит", "Уххь згеит"

Ахаҵкы акамыршәра аазырԥшуа арҭ афразақәа зҿоу даара даԥсышәоуп, даамысҭашәоуп, уамакала дарԥшӡоит. Аԥхьанатә дара аԥызҵазгьы заԥсуара иаҵаҽырбоз аамсҭацәа ракәын, аха лассы жәлары зегьы ишьҭыркааит. Аԥсуара аныҟәгараҿы анхацәагьы акала иаҵахомызт аҟынтә.

Ахыҵхырҭа: Шьалуа Инал-Иԥа "Очерки об абхазском этикете"

🧡 Ахьыуардын шәақәтәа
Please open Telegram to view this post
VIEW IN TELEGRAM
👍176
Абнатә баллада

– Абна сныҵалт шарԥазыказ,
Ашәарахқәа цәырҟьацәырас
Иԥхеибаҵон, шәарҭак рыҵас.
Мап, акгьы ыҟам исшәарыцаз,
Сахьнеилак избон акака,
Избон ассир, аршанхага.

– Ажәеиԥшьаа рҭыԥҳа дубама?
Уи лымаӡа узеилыргама?
– Ҽацә ҳәарақәак еибархәмаруан,
Арҩаш иаван, арҩаш иааруан.
Ран шьны ишьҭан арҩаш нырцәан,
Аԥсырҭаҵәҟьа хыла икылҵәан.
Насыԥдақәа, ицәаз џьыршьон,
Тәҩала инасыр иҵҟьоз џьыршьон.

– Абна ду уеимдо уахьылаз,
Иарбан сахьоу убла ихгылаз?
– Џь дуӡӡак гылан, ахан еиԥшын,
Си ԥшатлакәи зегь ззеиԥшыз.
Хҩык ахацәа аџь ду ԥырҟон,
Аха амахәқәа еибаргәырӷьон.
Аихаԥсыхә бжьы башаз џьыршьон,
Аҵларкәыкә нас-насуаз џьыршьон.

– Нас, исаҳәишь, аҵла шхырхәоз,
Абна шыцәоз, абна шҿыхоз.
– Аҵла сышьҭаԥшуан слаԥшықәҵан,
Руапа еиқәаҵәақәа наршәырҵан,
Иааилагылан еицыгәрымуан.
Ирзымҵәахуаз гәалак рыман,
Аӡын хьшәашәа рзаазгаз џьыршьон,
Рылабжышқәа рҩашны ихыҽҽон...

– Баша уцозма укыдыгәгәала,
Еилмыргакәа абна агәала?
– Санырԥырҵуаз ԥшацәгьак асуан,
Аҵла хырхәон, саара ишьҭасуан.
Рыбӷьы кыдҳауан зымҩакны,
Аҵла исышьҭарҳәон еицҿакны:
«Анаатә ҳажәуҵеит, ҳабахәо?
Наҟ уаҳԥырҵ, уаҳԥырҵ ушзахәо!»

– Ргәала рҳәазар ус имӡакәа,
Гәыжьжьагагьы рамҳәаӡакәа!..
– Усгьы сҳәеит, сырзеилыргазар:
«Иҵегь сыԥхарын сымразар,
Иҵегь скаҷҷарын сымзазар,
Шәхызжәартә сасрымызт сыԥшазар,
Сыблақәа хьчаҩыс ишәымаз,
Шәыԥсы сымажәда, саԥшәымаз!»

Баграт Шьынқәба, 1981

🧡 Ахьыуардын шәақәтәа
Please open Telegram to view this post
VIEW IN TELEGRAM
13👍6
Зымч иақәгәыӷуа дмақарӡом.

Аԥсуа жәаԥҟа

Абри аҽны 15 шықәса раԥхьа ақырҭуа ир аҵымҳәҳәаррақәа ҿааҳәыра рымамкәа Кәыдры аиҩхаа иҭцан. Аԥсны ауразоуроу ҩаԥхьа аԥсуа мчра шьақәыргылан. Аԥсҭазаара зны иуардынуп, зны ифырҭынуп шырҳәо еиԥш, мышқәак ирылагӡаны қәҿиарала имҩаԥгаз арратә операциан.

Ахҭысқәа реишьҭагылашьа еиҭаҳгәалаҳаршәеит абра >>

🧡 Ахьыуардын шәақәтәа
Please open Telegram to view this post
VIEW IN TELEGRAM
🔥10👍3
🏹 Ахаҵара Нарҭаа ирхылҵит, Нарҭаа дуқәа ирцырҟьоуп рҳәоит аԥсуаа.

Ари ажәаԥҟа ихарҭәаау авариантгьы ыҟазаап. Аҩбатәи ахәҭа ацны иаҳԥылеит Хәыхәыт Бӷажәба истатиа "Ашьаҭамырӡга" аҟны (1994).

🟠 Ахаҵара Нарҭаа ирхылҵит, ашәаргәындара – ҩысҭаа цырҟьоуп.

(Мужество идет от Нартов, трусость – от дьявола).

Афырхаҵареи агәымшәареи ирызку иҵегь аԥсуа жәаԥҟақәа еидкылоуп абраҟа >> Шәаргьы ижәдыруа анышәҵа.

#иацу_ыҟоуп

🧡 Ахьыуардын шәақәтәа
Please open Telegram to view this post
VIEW IN TELEGRAM
👍94
Ахьыуардын
🏹 Ахаҵара Нарҭаа ирхылҵит, Нарҭаа дуқәа ирцырҟьоуп рҳәоит аԥсуаа. Ари ажәаԥҟа ихарҭәаау авариантгьы ыҟазаап. Аҩбатәи ахәҭа ацны иаҳԥылеит Хәыхәыт Бӷажәба истатиа "Ашьаҭамырӡга" аҟны (1994). 🟠 Ахаҵара Нарҭаа ирхылҵит, ашәаргәындара – ҩысҭаа цырҟьоуп. (Мужество…
Ҳабдуцәа рабдуцәа злацәажәоз аԥсышәала "нарҭ" иаанагон "афырхаҵа". Абри аҩыза алкаа дазааит раԥхьаӡатәи аԥсуа профессионалтә фольклорҭҵааҩ, академик Шоҭа Салаҟаиа:

«Иџьоушьартә иҟоуп нарҭаа репос аҿы ажәа "ахаҵа", "афырхаҵа" иналаршә-ааларшәны акәымзар, еснагьтәи епитетк аҳасабала ахархәара ахьамоуз. Арахь уахәаԥшуазар, аепос ахы
инаркны аҵыхәанӡа афырхаҵара аидеиа леитмотивны иагәылгоуп. Ари зызҳәоу, ҳгәаныла, нарҭаа репос иалоу аперсонажцәа зегьы (аӷацәа аалхны) фырхацәа ҳасабла иахьрыхәаԥшуа ауп. Ажәа "нарҭ" анырҳәа, уи азхон изызку ауаҩы дышфырхаҵоу аарԥшразы. Убри азакәхап афырхацәа хадақәа рыхьӡ иацрымшәо изацу ажәа "нарҭ" (Нарҭ Сасрыҟәа, Нарҭ Сиҭ, Нарҭ Кәын, Нарҭ Цәыцә убас егьырҭгьы)».

Абри ҳанаԥхьа, даҽа жәаԥҟа бзиакгьы ҳгәалашәеит "Афырхаҵа ишьҭа ихылаз афырхаҵа игәы иоуеит". Аԥсуаа ҳзы Нарҭаа рхылҵшьҭрақәа ҳәа ирҳәо баша ажәа ԥшӡам, ршьамхы зшьамху, ргәаҵәа згәаҵәоу ахацәа ҳаман, иҳамоуп, иҳагхарым аринахысгьы.

🧡 Ахьыуардын шәақәтәа
Please open Telegram to view this post
VIEW IN TELEGRAM
👍124🙏4
"Ҳаӷацәа еснагь ҳҭоурых иачычан. Иачычан, избанзар иара ҳаман. Дара иҳамамзар рҭахын, усҟан акыр ирзымариахон рнапахьы ҳаагара". Алықьса Гогәуа

Еибашьра бзиа ҟамлаӡацт ари адунеи аҿы, ауаҩи ауаҩи рықәибахра еснагь ирыцҳароуп. Аха уара иануқәло атәы хазуп, уара иануқәла – ухы ухьчароуп, иқәылаз дуаӷоуп, иқәнага дақәыршәатәуп.

Нанҳәа 14, 1992 шықәсазы ақырҭуа бџьаршьҭыхла Аԥсны даналала, аԥсуаа рмилаҭ-хақәиҭратә қәԥара иреиҳаӡоу аҩаӡарахь аҽышьҭнахит – иалагеит аџьынџьтәылатә еибашьра. Шәнеибац зҳәашаз Аԥыза дҳаман. Нхыҵ-аахыҵ ҳашьцәагьы рыжәҩа ҳамардеит.

Ахеиқәырхаразы ианҭахатәыз аамҭа – 413 мшы… Жәларык ҳԥеиԥш ӡбахон усҟан. Рыԥсқәа ҳмырԥхашьааит, ргәалашәара ҳмырхәашьааит Аԥсуа ҳәынҭқарра ҩаԥхьа ахсаалақәа ирныларц зықьҩыла зхы иамеигӡаз аҵеицәа. Ҳара иаҳуалуп шьала иааргаз амырӡра, хшыҩлеи дырралеи еихаҳауа ԥхьаҟа агара.

Асахьа: афотоальбом "Аиааира" аҟынтә

🧡 Ахьыуардын шәақәтәа
Please open Telegram to view this post
VIEW IN TELEGRAM
🙏117
Ахьыуардын
"Ҳаӷацәа еснагь ҳҭоурых иачычан. Иачычан, избанзар иара ҳаман. Дара иҳамамзар рҭахын, усҟан акыр ирзымариахон рнапахьы ҳаагара". Алықьса Гогәуа Еибашьра бзиа ҟамлаӡацт ари адунеи аҿы, ауаҩи ауаҩи рықәибахра еснагь ирыцҳароуп. Аха уара иануқәло атәы хазуп…
«Сҽыжәны саахуеит, сҽы цыркьыхуеит. "Ашьапы чаԥаӡами?" – дсазҵаахуеит аӡәы. "Ашьапы чаԥоуп, аха амаҭ ацҳаит", – аҭак исҭахуеит уи».

Зԥазаҵә дҭахаз Аԥсны Жәлар рпоет Витали Амаршьан аибашьраантәи иԥхыӡ.

Аԥсны жәлар рџьынџьтәылатә еибашьра адәаҿы иҭахеит 1716-ҩык ҳаԥсадгьыл ахьчацәа, Аиааира ашьҭахь аҳәааҿы иаҳцәыршьит даҽа 407-ҩык аҵеицәа. Аибашьра иахәхаз абџьар иаҵагылази аҭынч уааԥсыреи рхыԥхьаӡара ааидкыланы ԥшь-нызқьҩык рҟынӡа инаӡоит… Хабарда ибжьаӡыз аламҵакәа…

Аԥсны иаиуз аекономикатә ааха 11 миллиард доллар рҟынӡа артәеит. Аҭҵаарадырреи, акультуреи, аҭоурыхи ирыҭаз аԥхасҭа шәашьагьы амам.

Ахақәиҭра аҳауа цқьа лбааҳдарц абри аҩыза ахә шәан.

🧡 Ахьыуардын шәақәтәа
Please open Telegram to view this post
VIEW IN TELEGRAM
👍95
Иуцгәырӷьо духашҭуеит, иуцҵәыуа духашҭӡом.

Нанҳәамза аиҩшамҭа, 1992 шықәса. Аибашьра, ашьа, аиашьа… Шьагәыҭк змоу арҭ ах-ажәак ирымчу адунеи иабеит, шықәсык инацны Аԥсны агәы иҭаҵәыуо, ахлымӡаах ианалаԥшуаз аамҭазы.

Аибашьра аналага аҽныҵәҟьа зыԥшрак ҟамҵакәа арахь еихеит шәҩыла зшьа зыԥхьоз ҳашьцәа. Аиҳараҩӡак кавказаа ракәын, иара убас аҳәаанырцәтәи аԥсуа диаспора ахаҭарнакцәа. Аха иҳашьамызгьы, иара ус аҿыхақәа "иҟоу ҳбоит, ҳазлашәҩызам ҳәа егьыҟам" аанарго, иҳавагылақәаз ҟалеит. Агәаԥхара роуит, аҭаххара. Адунеи аҿы аибакапанра зыла иааиуа аиаша азықәԥаҩцәа.

Зегь ааидкыланы 2600-ҩык инареиҳан хатәгәаԥхарала еибашьра иааз. Рхыԥхьаӡара аасҭагьы ргәамч еиҳан. Аус ду аҿы иуцхраауа даныҟала, еиҳагьы угәы уҵасуеит, иулымшашагьы улнаршоит. Ақырҭуа дазыԥшӡамызт Кавказ ашьхарыуаа абас ҭаҷкәымкны еилаҵәап ҳәа... Дара ирыдгылоз, ижьышуаз-ишьашуаз аҟарлышқәа иреиԥшын. Ҳара иҳадгылоз фырхацәа иашақәан. Ауаҩра зцым афырхаҵара фырхаҵароуп ҳәа ирыԥхьаӡаӡомызт аԥсуаа наџьнатә аахысгьы, аҩбагь еицызар акәын ианынаӡаз, ианаԥсыуараз. Иагьеицын.

Хашҭра рықәымзааит Аԥсны зхы ақәызҵаз аибашьцәа, ҳтәыла ԥшӡа даргьы ирыԥсадгьылхеит иаԥсыуаамкәа иҭахаз. Агәабзиара рымазааит иҟоу, ргәымшәара ҿырԥшыгоуп, иааӡагоуп, имҩақәҵагоуп!

Аиааира аагараҿы хатәгәаԥхарауаа рлагала иазкуп абри аматериал>>

🧡 Ахьыуардын шәақәтәа
Please open Telegram to view this post
VIEW IN TELEGRAM
👍104
Ахьыуардын
Иуцгәырӷьо духашҭуеит, иуцҵәыуа духашҭӡом. Нанҳәамза аиҩшамҭа, 1992 шықәса. Аибашьра, ашьа, аиашьа… Шьагәыҭк змоу арҭ ах-ажәак ирымчу адунеи иабеит, шықәсык инацны Аԥсны агәы иҭаҵәыуо, ахлымӡаах ианалаԥшуаз аамҭазы. Аибашьра аналага аҽныҵәҟьа зыԥшрак ҟамҵакәа…
Аиаша ҳәатәыми, хатәгәаԥхарала еибашьра иааз рҟынтә ижьышуаз-ишьашуаз уаҩ дыҟамызт – Аԥсни аԥсуааи рыхьчара акәын ахықәкы хада, ахықәкы заҵә. Уи арахь иаанагон ақәыԥшӡақәа реиԥш, зуаҩыбжара иҭагылаз ахацәагьы. (Ақырҭқәа ирыдгылоз украинаа ракәымзар, урҭ ргыгшәыграқәа аҭоурых иадыруеит).

Аиҳараӡакгьы аҟабардақәа, адыгаа рхатәы трагедиак еиԥш ирыдыркылеит аԥсуаа ҳзыниаз азалымдара. Аибашьраан мызқәак Нальчик иԥхьаркыз Аԥсны Жәлар рпоет Баграт Шьынқәба иҩуан:

"Арантәи инаргоз иҭахаз афырхацәа анышә иахьарҭоз снеиуан, срыдашшылон. Уаӷеимшхара, зԥа дышьны заԥхьа дықәыз анацәеи абацәеи! Алаӷырӡ зхыҵәалоз рыблақәа џьарамзар џьара ихысымбаалеит гәынҷыхьа хьшәшәарак, уи аҭыԥан урҭ исарҳәон: "Аиашьа дыҟазароуп аиашьа изыҳәа!"

Шәаԥхьарц ишәыдаагалоит Аԥсны инхо, ҳабзиа-ҳацәгьа иалахәу Ҟабардатәи ахатәгәаԥхарауаҩ, аҭоурыхҭҵааҩ Асланбек Марзеи иҿцәажәара, хшыҩзышьҭра зуҭаша ииҳәаз рацәоуп. Аԥсны Афырхаҵа иҿахәы илырҳәеит ажурналист Елеонора Коӷониаԥҳа. Иҭоуп абра>>

Афото ©️ Саида Ҳаџьым

🧡 Ахьыуардын шәақәтәа
Please open Telegram to view this post
VIEW IN TELEGRAM
👍96
This media is not supported in your browser
VIEW IN TELEGRAM
"Дунеи ду иахшәырҵәа хьырҵәаҵәа дгьыл шшәымоу;
Ажәытәӡа ҳшаԥшәымац, уажәыгьы ҳшаԥшәымоу.
Ҳабацәа рабацәа рхаҵара шшәылоу,
Ҳамцахәқәа мыцәарц, ахымцагь шәшаԥыло.

Харада икнарҳаз – зегьы-зегь рзынгьы,
Ҳанацәа ирхыргаз – зегьы-зегь рзынгьы.
А́хара ихырҵаз – зегьы-зегь рзынгьы,
Ҳиааирақәа ирхьымӡаз – зегьы-зегь рзынгьы..."
Рушьбеи Смыр

🧡 Ахьыуардын шәақәтәа
Please open Telegram to view this post
VIEW IN TELEGRAM
🔥117
This media is not supported in your browser
VIEW IN TELEGRAM
🌬 Ҳажәаҳәа ҳарҭбаап:

Аԥшарны́ҟәага
– ветродвигатель;
Аԥша́даас – порывистый ветер;
Аԥшаӷьы́ – резкий ветер;
Аԥшахьы́ – холодный ветер;
Аԥша́рхь – бриз;
Аԥша́ргьгьасмерч;
Аԥша́тлакә, аԥше́илаҩынт – вихрь;
Аԥшаҩа́ – суховей;
Аԥша́быжьҟьа, аԥше́иҿас, аԥше́иужь – сквозняк;
Аԥшашәа́га – ветромер
Аԥша́какан – зрелый орех, падающий от ветра;
Ԥша́мза – Март.

🔸 Аԥша дақәтәоуп – он несерьезный, ветреный человек;
🔸 Аԥша икәадыруеит – он очень скор, проворен, расторопен;
🌪 Аԥша лоуҵар афырҭын ааурыхуеит. (Посеешь ветер – пожнешь бурю).

Ахыҵхырҭа: Владимир Касланӡиа "Аԥсуа-аурыс жәар"

🧡 Ахьыуардын шәақәтәа
Please open Telegram to view this post
VIEW IN TELEGRAM
👍134