Ахьыуардын
1.27K subscribers
1.38K photos
222 videos
1.66K links
Ахьыуардын — аԥсуа бызшәеи, аҭоурыхи, акультуреи ирызку апроект ҷыда. Напбзиа-шьапбзиа ахьыуардын дақәтәоуп. Шәҳацла: ахьы хәыҷуп, аха шәкы ицоит, аӡә дышәҩыкны дҳаԥхьаӡоит.
Download Telegram
Раԥхьаӡатәи аԥсуа ԥҳәызба-амузыкаҭҵааҩы, ашәҟәыҩҩы Мушьни Аҳашба иԥҳа Инна диижьҭеи иахьа 85 шықәса ҵуеит.

Инна аҵара бзиа лоуит Аԥсны, Аҟәатәи амузыкатә ҵараиурҭа далгеит, анаҩс лдырра еизлырҳаит Қарҭ. Москвеи Ленингради иреиӷьӡаз арҵаҩцәа дуқәа рԥышәа рҿылҵаауан. Уатәи амузеиқәа рҟны иҵәахыз аԥсуа музыкатә арҳәагақәа инҭырҳәцааны иҭылҵааит, дрыхцәажәеит, рыбжьы агашьа ахҳәаа азылуит.

Аԥсуаа рыбзазараҿы арҳәагақәа ҭыԥс иааныркыло азгәалҭеит, лхаҭа илԥшаауаз ажәабжьҳәаҩцәа дрыдтәаланы рарҳәашьа атехникеи, ртерминологиеи, излырхуа амҿыжәлақәеи уҳәа зегьы ақьаад ианылҵеит.

Инна Аҳашԥҳа акандидаттә диссертациа лыхьчеит, аус луан Аԥсуаҭҵааратә институт аетнографиа аҟәшаҿы. Есышықәса аҭҵаарадырратә експедициақәа мҩаԥылгон, аконгрессқәеи асимпозиумқәеи дрылахәын, зеиԥшыҟам аматериал еизылгеит.

Иаԥылҵаз аусумҭақәа иреиуоуп "Иналукааша аетнографиатә ԥшаах", "Аԥсуа жәлар рыԥхьарца", "Аԥсуаа рмузыкатә арҳәагақәа". Арҭ зегьы ахәшьара ҳарак роуит адунеи зыхьӡ адыруа аҵарауаа рыбжьара, Франциа, Германиа, Швеицариа инхозгьы уахь иналаҵаны.

Аха рыцҳарас иҟалаз, 29 шықәса ирҭагылаз аԥҳәызба иаалырҟьаны лыԥсҭазаара далҵуеит. Ари трагедиа духеит лҭаацәа рзы, Аԥсназы. Дыԥшқарахын, дразҟыдан, макьана илылшашаз даара ирацәан. Иара усгьы лырҿиаратә ҭынха ахааназ илагала дуны иаанхоит аԥсуаа ҳкультура знысхьоу амҩа аҭҵаараҿы.

Аха, Баграт Шьынқәба ишиҳәаз еиԥш, аԥсынҵры лара илызшамзаарын…

🧡 Ахьыуардын шәақәтәа
Please open Telegram to view this post
VIEW IN TELEGRAM
👍104😢2
Аԥсны Жәлар рпоет Баграт Шьынқәба Инна Аҳашԥҳа (1938-1967) илзикит игәыҭшьаагоу ажәеинраала, "Ақәрахьымӡа" ахьӡуп. Мышқәак зҭыҵра дахьымӡаз лышәҟәы ацәа ианҵаны лҭаацәа ирзынаишьҭит.

Ақәрахьымӡа! Уаҵәтәи амш зыԥсала,
Ибыхьҵәыуеит, брыԥшаауеит шә-гәык.
Рыцҳа, ак акәын адунеи ибзалаз,
Ак акәын, зҭыҵра бахьымӡаз шәҟәык.

Аҩымааи ахымааи бышәҟәы кны иаԥхьоит,
Быхьҵәуарак иаҿӡоуп аԥхьарца.
Бышәҟәы ахәрыбӷьыц еиԥш аԥса игәы иақәӷьоит,
Аха избан, бара бнаҳалҵны бызца?!

11.1.1968.

🧡 Ахьыуардын шәақәтәа
Please open Telegram to view this post
VIEW IN TELEGRAM
👍103
Аԥсны жәлар рџьынџьтәылатә еибашьра аветеран, азиндырҩы, амилициа аподполковник Даур Ҵылкьиа иахьа 60 шықәса ихыҵит.

Даур аррамаҵура ианиԥхьа Афганистан дақәшәеит, уа ицоз аибашьра далахәын, гәымшәарыла ихы ааирԥшит, хыԥхьаӡара рацәала аҳамҭақәа ианашьоуп. 2018 шықәсазы Афганистан еибашьуаз аԥснытәи ахацәа реидгыла ахантәаҩыс дҟалеит.

1993 шықәса инаркны 2011 шықәсанӡа Аԥсны аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрраҿы аус иуан. Кәыдрытәи аиҩхаа аҭарцәра далахәын.

Вба змам амаҵуразы амедал ах-ҩаӡаракгьы ианашьоуп.

Агәабзиареи аԥсынҵра дуи изеиӷьаҳшьоит! Ҽаанбзиала!

🧡 Ахьыуардын шәақәтәа
Please open Telegram to view this post
VIEW IN TELEGRAM
👍11🔥1
"Ахаҵа хьӡи-ԥшеи изыргоз аибашьраҿы – иаҳәа, аизараҿы – иажәа!"

Аҭоурыхтә фотосахьа. Аԥсуа ҭауади-аамсҭеи Романоваа рыҩны 300 шықәса ахыҵра иазкыз аныҳәаду иалахәуп. Еиҳабыс дрыцуп акәымжәы шкәакәа зшәу аԥсуа нхаҩы, ажәаҳәаҩ Аабыџь Мықәба. Санкт-Петербург, 1913 шықәса.

Анкьа ажәаҳәаҩцәа хатәрақәа аҿар ахьазыҟарҵоз аҭыԥқәа ыҟан. Убас, аҭоурыхҭҵааҩ Руслан Гәажәба иааигоит аԥсуааи аубыхқәеи рҳәааҿы, Ҭәахы ҳәа иахьашьҭоу, Аԥсуара академиак иаҩсуаз, ахымҩаԥгашьеи, алеишәеи, аибашьратә, ацәажәаратә ҟазареи ахьыддырҵоз аҭыԥ.

Иара убас, аетнолог Иури Аргәын ишәҟәаҿы иҩуеит Ԥақәашь ақыҭа анхаҩы Ноурыз Чачхалиа аҿар бзиа еизганы ажәлар рҿаԥхьа ажәаҳәашьа дирҵон, иаиршьцылон ҳәа.

Абарҭ афактқәеи ажәаҳәаратә ҟазара аҵаки инарҭбааны дазааҭгылеит аетнолог Марина Барцыц ҩ-хәҭакны иҟоу лыстатиаҿы. Шәаԥхьар шәылшоит абра.

Афото: Руслан Гәажәба иархив аҟынтә

🧡 Ахьыуардын шәақәтәа
Please open Telegram to view this post
VIEW IN TELEGRAM
🔥14👍6
🪢 Ажәарыԥхрақәа

"Агалош хәбаба анылзаархәалак, абамба ҵрышь ҭамҵакәа, лшьапы дашьуеит ҳәа изшьарымҵоз,
Дыҭҟәаны даныргоз, шьапы-рԥшқагас ачаландар еимаа зшьарҵаз, Ахан-иԥацәа рҭыԥха!
" (Иуа Кәаӷәаниа)

Иацы анапы атәы анаҳҳәа, иахьа ашьапы атәы ҳҳәап. Ари ажәа ԥшь-ҵакык амоуп аԥсшәаҿы: нога (ножка чего-л), опора, подножие, ствол. Аҵла ашьапы, ашьха ашьапы, астол ашьапы, аҽы ашьапы. Егьысгьы ажәахырҿиаарала ибеиаӡоуп, иҟалап "анапы" иаԥнагозаргьы. Хыхь ақьаад аҿы иаҳзаркыз ахәҭак ауп.

Шьа ауп ари ажәа ашьагәыҭ (ашьагәыҭи ашьаҭеигьы ирылоу иара уи -шьа ауп).🙂

Ашьҭаҵара, ашьҭыхра, ашьҭра (род; отправлять), ашьҭҟьара, ашьҭшьра, ашьақәгылара, ашьаҭа, агәашьа, ашьҭхысаа - арҭ зегьы ашьа(пы) аҟынтә иаауеит.

Алаба́шьа (посох) акәзар, "палка-опора" аанагоит, ашьа́ иадҳәалаӡам. Абри атәы иҳәахьан аҵарауаҩ нага Шоҭа Салаҟаиа, уи диқәшаҳаҭхеит алабашьа ганрацәала иҭызҵааз афилолог Анатоли Хьециа.

📖 Ажәар

Ашьапы́қамса – кавказский тетерев
Ашьаҟьа́р – побеги
А́шьаҟьара – топтать
А́шьаҟьасҭа – равнина
Ашьаҟа́уаҩ – пешеход

#ажәарыԥхрақәа

🧡 Ахьыуардын шәақәтәа
Please open Telegram to view this post
VIEW IN TELEGRAM
👍12
Хьӡы игарцоуп ахаҵа дзиуа.

Асовет ар рԥыза, аинрал-леитенант Ҳасан Ҳаразиа диижьҭеи иахьа 115 шықәса ҵуеит.

Аҟәа агәҭа, Аҳәынҭқарратә филармониа азааигәара, ижәбахьазар акәхап, игылоуп Витали Џьениа иаԥиҵаз иара ибаҟа. Х-қалақьк рҟны (Аҟәа, Олонец, Раменское) ҳаҭыр зқәу атәылауаҩ ҳәа ахьӡ ихҵан. Аџьынџьтәылатә Еибашьра ду аан Аиааира ааигәазтәуаз адҵаҟаҵаҩцәа дыруаӡәкуп.

Ҳасан Лагәысҭан-иԥа Аԥсны иҵара анхиркәша хатәгәаԥхарала Ар ҟаԥшь далалеит. Фрунзе ихьӡ зху Академиа далган, 21-тәи ашьха-кавалериатә дивизиа аполкқәа руак аштаб аиҳабыс дарҭеит. 1941 шықәсазы иполк дацны афронт ахь дцеит, ақалақьқәа Жлобин, Гомель, Добруш, Курск, Орел, Мценск, Карсаково уҳәа рыхьчара далахәын, ажәыларақәагьы убас.

Еиуеиԥшым архәҭақәа раԥхьа дгыланы Асовет Еидгылеи Европа атәылақәеи афашистцәа алицон.

Аибашьра ашьҭахьгьы хьыӡла-ԥшала имаҵура иациҵеит. Уралтәи арратә округ адҵаҟаҵаҩ ихаҭыԥуаҩс дыҟан, аинрал-леитенант ичын иманы. Иԥсҭазаара далҵит 1990 шықәсазы.

Ҳасан Ҳаразиа хыԥхьаӡара рацәала амедалқәеи аорденқәеи ианашьоуп: Ленин иорден, Суворов иорден III-тәи аҩаӡара, Аеҵәа Ҟаԥшь, Абираҟ Ҟаԥшь аорденқәа ԥшьба уҳәа убас иҵегь.

Ахыҵхырҭа: Аԥсны акрызҵазкуа арыцхәқәа рамзар. Аҟәа, 2022.

Афото: Раменсктәи ақалақьтә округ апортал аҿы иҳаԥшааит.

🧡 Ахьыуардын шәақәтәа
Please open Telegram to view this post
VIEW IN TELEGRAM
👍13
Бзыԥҭа ашьхеибаркыра мраҭашәаратәи аганахьала 2300 метра иаҳараку Наԥра ашьха ақәцәан иҟоуп Наԥра-ныха. Аҵангәареиԥш еиҿкаау ари аҭыԥ ԥшьа ахҿақәа ахьықәу ҳәа иашьҭоуп.

Ара имҩасуаз ашәарыцацәа, аибашьцәа зегьы рҟәых ахҿа, ахы, аԥараҿырпы, ма аихалых аџьар аанрыжьыр акәын. Уаҩԥсы далакьысыр ҟаломызт. Уахь анеирагьы цәгьан, егьа ибзианы издыруазаргьы авнагон.

Археолог Иури Воронов 1975 шықәсазы абри ашьха ихаланы аныха ҭызҵааз дыруаӡәкуп. Иара ишиҩуа ала, иааидкыланы, аҭыԥ ԥшьа иҭыргахьоу ахҿақәа рхыԥхьаӡара 15 нызқь иреиҳауп – ар дук ирызхаша! Ара иҟан зеиуахкы уҭаху ахҿақәа, акәылӡы маҭәа иалсуазгьы уахь иналаҵаны.

Аԥсуаа XIX ашәышықәсазы иҭҟьо абџьар ҟалаанӡа ахыци ахәымпали рыда иныҟәомызт, ахысраҿы абаза-ачерқьесцәа ирыцназгоз дыҟамызт. XX ашәышықәсанӡагьы ҳабдуцәа ахыци ахәымпали рыла ашьха ӡиасқәа ирҭаз аԥсыӡ ркуан! Убри аҟара иазҟазан.

XI ашәышықәсазы иаԥҵаз аџьамцәа ррыцыртә роман "Висрамиани" аҟны аҭыԥҳа лыԥшӡара иахьахцәажәо ҭыԥк аҿы иҳәоуп абас: "Уи лылаԥыџьқәа аԥсуаа рхыц иаҿшәоз ахҿа иаҩызан" ҳәа.

Ахыҵхырҭа: Ю. Н. Воронов. В мире архитектурных памятников Абхазии. Москва, 1978.

Афото: Ажәытә аԥсуа бџьар хкқәа. Аԥсуа ҳәынҭқарратә музеи аекспозициа.
Марина Барцыц лархив аҟынтә.

🧡 Ахьыуардын шәақәтәа
Please open Telegram to view this post
VIEW IN TELEGRAM
👍13
Афырхы́ – ҩ-ҿык змоу ахҿа, зҿаҭахьа назмыгӡаз иқәшәоит ҳәа иԥхьаӡан (карающая стрела). Иабаҳԥыло?

Актәи афото аҟны ижәбо Аԥсны абанк иҭнажьыз араӡны ԥсар иану асахьоуп: Елыр-ныха, ацә, афырхы. Иҭыҵит 2010 шықәсазы, асахьаҭыхҩы – Баҭал Џьапуа.

Ишдыру еиԥш, Елыр-ныха Гьаргь Ацқьа (Аергь, святой Георгий Победоносец) изкуп, уи дахылаԥшҩуп. Иара ақьырсиан динхаҵараҿы зегь реиҳа иршьо аӡә иоуп, дынхон III-тәи ашәышықәса анҵәамҭазы Аурым Империаҿы.

Аергь – амацәыс, амца, аибашьра рынцәахәы ҳәа иаҳдыруа ақьырсианра иахыршьааз, аҭоурых аҿы иҟаз хаҭароуп. Иара изку Елыр-ныха ргылан XI-тәи ашәышықәсазы.

Аергь дызну аныхачаԥақәа рааигәа аԥсуаа афырхы ықәырҵон. Ари ацқьа иҳәон аӷа ҳаицәыхьча, еибашьра иҟоу рыԥсы еиқәырха ҳәа.

Афырхы икны даарԥшуп VIII-тәи ашәышықәса актәи азбжазы арабцәа иргәаҟны иршьыз ақьырсиан, аԥсилаа раҳ Евстафигьы, избанзар аригьы деибашьҩын, ижәлар ихьчон. Аԥсуаа иаҳхылаԥшуа Ацқьа хьымаҭәала деилаҳәоуп дшаҳаз ҩашьамхаратә (шәахәаԥш 2-тәи афото).

📖 Афырхы (Шьашәы рхы) раԥхьаӡатәи аҵакы – ажҩан иалҟьаз аиха, аметеорит акәын (стрела молний). Аиха анапаҿы аагара шыҟалаз уажәраанӡа ҳалацәажәахьан абра.

🧡 Ахьыуардын шәақәтәа
Please open Telegram to view this post
VIEW IN TELEGRAM
Please open Telegram to view this post
VIEW IN TELEGRAM
👍12
🧩 Ажәахырҿиаара

Абра ижәбоит аԥсшәаҿы "афы́" иахылҿиааз ажәақәа, ретимологиа еилкаауп, хазы ҳазааҭгылаӡом.

Иҟалап, иацҵатәызҭгьы афырҭыни афархьи, аха арҭ ажәақәа рхылҵшьҭра иазку аҭҵаамҭақәа ҳԥыхьамшәеит.

Афырҭы́н (буря) – амшцәгьа бааԥс, аԥшеи ақәеи анеицу, иааԥынразар, ма иԥхынразар идыдуеит-имацәысуеит.

Афа́рхь (хворост) – амцеиҿакыгас иҟоу, афы аҩа иназхьысыз амца анаркуан азы, иахаршаланы хьӡыс иаиузар ауеит.

Афархь еиҭарсу аҵакгьы амоуп, иаҳҳәап даара изгу аӡәы изы "ауаҩ фархь" рҳәоит.

#ажәахырҿиаара

🧡 Ахьыуардын шәақәтәа
Please open Telegram to view this post
VIEW IN TELEGRAM
👍13
Аԥсны Афырхаҵа, аԥхьагыла Руслан Воуба иахьа 60 шықәса ихыҵрын.

Аибашьра ишалагазҵәҟьа мықәаа рыҷкәынцәа дрыхәҭакны аԥсадгьыл ахьчара дазгылеит. Аибашьра адырҩаҽны, нанҳәа 15 рзы, иара игәыԥ аӷа ишьаҟар зҭаз амашьына аԥырырхит. Нанҳәа 28 рзы ақырҭқәа Мықә ианазааигәаха, иҟәыра аҿагылара бзиаӡа аадырԥшит, 40-ҩык ақәылаҩцәа ҭадырхеит.

Руслан Воуба Мрагыларатәи афронт аҿы имҩаԥысуаз арратә операциақәа жәпакы дрылахәын. 1992 шықәса абҵарамзазы архәҭа адҵаҟаҵаҩс дшыҟаз дырхәит. Аха згәи зыԥси цқьоу ахаҳәгьы еиҩисоит ҳәа, ихәра анааӷьа ҩаԥхьа аибашьра адәахьы дхынҳәит, уажәшьҭа абаталион аиҳабык иаҳасабала.

Даҽа ԥыҭрак ашьҭахь аполкгьы даԥызахеит. Аха аиааира абара иразҟы иаламызт. Руслан Сергеи-иԥа гәымшәарыла дҭахоит ԥхынгәы 26, 1993 шықәсазы.

Ахыҵхырҭа: Аԥсны акрызҵазкуа арыцхәқәа рамзар. Аҟәа, 2022.

🧡 Ахьыуардын шәақәтәа
Please open Telegram to view this post
VIEW IN TELEGRAM
🙏9👍5
Аԥсны амилаҭ гәарԥ аҟны ахаҳәгәара зҿыкәыршоу ажәытәӡатәи адамра (адольмен) дыргылеит.

Акомпозициа уахьахәаԥшуа акыр зқьышықәса зхыҵуа аҿырԥшқәа иузреиҩдраауам, гыларалагьы, излыху ахаҳәгьы зегьы аҭоурыхтә ҵабырг иашьашәалоит. Абри атәы лҳәеит амилаҭ гәарԥ амузеи аиҳабы Илона Кәыҵниаԥҳа.

Аҳаш дуқәа Ешыра иҵхын, анаҩс Баҭал Џьапуа иҭихыз ахсаала инақәыршәаны, аус рыдырулеит краснодартәи аҟазацәа. Ахаҳә рцәит, идражәит, иақәнагоу асахьа шьҭнахырц. Адольмен ауреи аҭбаареи хԥа-хԥа метр инаӡоит, агылара – 1,5 метрак рҟынӡа.

Иахьазы аиԥш зеиԥшу, ахаҳәгәара зкәыршоу адольмен Аԥсны иахьеиқәхаз Оҭҳара ақыҭан ауп. Ас иҟоу адамра ауаа дуқәа рыбаҩ ҭарҵон, аԥсы ицәеи ибаҩи анеилыҵлак ашьҭахь. Адольментә культура аҿиара ҳера ҟалаанӡа III-II азқьышықәсақәа рахь иаҵанакуеит, абжьара-џьазтә шәышықәса аамҭа.

Адольменқәа – ҳаԥсадгьыл аҿы зегь реиҳа ижәытәу архитектуратә баҟақәоуп. Мраҭашәаратәи Кавказ иахьаҵанакуа ҩ-нызқь цыра инареиҳаны иԥшаан, Аԥсны мацара – 80 рҟынӡа, зегьы иреиҳауп Азанҭатәи.

Афотосахьақәа Аԥсны амилаҭ гәарԥ аусзуҩцәа иаҳзаарышьҭит.

🧡 Ахьыуардын шәақәтәа
Please open Telegram to view this post
VIEW IN TELEGRAM
Please open Telegram to view this post
VIEW IN TELEGRAM
👍11
Иацы ҳазлацәажәоз Наԥра-ныха иеиԥшны, ахҿақәа зқәу ахаҳә шьҭаҵоуп Аԥсны амилаҭ гәарԥ аҟны.

Ари аҩыза ахаҳәқәа уԥылон ашьхара реиҳа иахьшәарҭаз аҭыԥқәа рҿы, ашәарыцацәа анцоз-ианаауаз рҟәыхк аихалых аанрыжьуан, ҳаиҳа зымчу дырхылаԥшырц, ашьха алԥха роурц.

Уажәшьҭа дарбанызаалак амилаҭ гәарԥ аҭааҩ лабҿаба ибар илшоит.

Афотоқәа амилаҭтә гәарԥ "Аԥсны" иамҭоуп.

🧡 Ахьыуардын шәақәтәа
Please open Telegram to view this post
VIEW IN TELEGRAM
Please open Telegram to view this post
VIEW IN TELEGRAM
👍11🔥3
🍷 Арыжәтә зымжәыз дыгәнаҳауп, иашьыз – еиҳагьы.

Аетнограф Инга Шамԥҳа аԥсуаа ҳҿы аҩыҟаҵара иадҳәалоу аҵасқәа дрылацәажәеит. Илҳәаз зегьы аинтерес ацуп, атезисқәа ааркьаҿны иааҳгоит абра:

🍇 Аԥсуа ажьхкқәа 60 инареиҳаны рыхьӡ ҭҵааны иҟоуп, аха ианыӡаауа иалагеит атәымжәлақәа анаарга.

🍇 Амлахәы́р – ажәытәӡатәи ажьжәла агәаӷь Бамбора ирбаз аҳаԥшьа иҭан.

🍇 Аԥшьдәаны иаадрыхуан шәкы инареиҳаны ажьхкқәа, 90-тәи ашықәсқәа раан аԥхасҭа роуит, ихырҵәеит.

🍇 Аҳаԥшьа иҭарҭәо аҩы ашьақар амамзароуп, иреиӷьу ажьымжәақәа ирылхзароуп.

🍇 Аирыӡгьы аҳаԥшьеиԥш анышәаԥшь иалхуп, аҩы ануталакгьы акыраамҭа ихьшәашәаны иаанхарц, агьама еицамкырц азы.

🍷Аҩеиқәаҵәа – раԥхьаӡа иргыланы ритуалтә рыжәтәуп, шаҟа ужәыз акәӡам, ишужәыз ауп.

🌳Аиаҳәа ашәҵла иалырхуан, агәыцә аҭыгара иаҳа имариоуп ҳәа. Иҟоуп хә-метрак иауыз, метраки-бжаки иҵаулаз аиаҳәақәа.

Зегьы иреиҳау аиаҳәа иахьа игылоуп Афон ҿыц амузеи аҟны.

📖 Анышәаԥшь – красная глина
Анышә шкәакәа – белая глина (анкьа рхы зларҿышуаз).

🧡 Ахьыуардын шәақәтәа
Please open Telegram to view this post
VIEW IN TELEGRAM
👍15🔥2
Тамшь ақыҭан ажәытә қьырсиан ныха еиҭашьақәыргылоуп, адинуаа иахьа ирыԥшьан ҩаԥхьа ашә аадыртит.

Ари аныхабаа шәышықәса раахыс аус ауӡомызт иҳәеит Аԥсны аиашахаҵаратә уахәама ахада Аб Басариан (Аԥлиаа).

Аиҭашьақәыргыларатә усқәа хышықәса имҩаԥысуан Тамшь зџьынџьу Аԥсны Жәлар Реизара адепутат Резо Занҭариа ихарџь ала.

Агәырӷьаратә хҭыс далахәын Тамшь иалҵыз Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа.

Аныхабаа Ацқьа Николаи Аџьашьахәҟаҵаҩ ихьӡ ахуп.

Афото © Тамшь Тамшьаа

🧡 Ахьыуардын шәақәтәа
Please open Telegram to view this post
VIEW IN TELEGRAM
🙏7👏3
Агәыла ицәашьы уҩны арлашоит, агәылеи агәи рҳәоит аԥсуаа. Убас ирацәоуп иҵегь аигәылара иахҳәаау ажәаԥҟа ссирқәа, абиԥарала еимдо иааҳго.

Ари атемала ишәзымдыруа ишәаҳҳәои, аха ашәҟәы ианны уанаԥхьо угәы иазҳауеит, ус ами?

Агәыла дзакәу аазырԥшуа ажәлар рҳәамҭақәеи, агәылара аҵасқәа еилазгоз ишрызныҟәози ртәы инарҭбааны иазааҭгылоуп абра.

🧡 Ахьыуардын шәақәтәа
Please open Telegram to view this post
VIEW IN TELEGRAM
7👍4🔥3
Шәааи, ацу ҳфахп еиҭа!

Ахшыҩгьы хозаап иумырчозар. Ҳабдуцәа уи рдыруан: бызла аиқәԥара мҩаԥыргон, рыхшыҩ ахәыц агәҭа ааиҟәнаршәартә еиԥш иҵарын.

Шәареи ҳареи аҭакқәа рзы ҳаицәажәахьеит, шәавҵаԥшӡом😉

Иаҳа имариоу ацуфарақәа хыхь иааҳгахьан, изыбмаз шәыҟазар, урҭ рыла шәалага.

⚫️Сыжәаԥшь хәыҷы ӷдара лмыҳәҳәа.
(аҵыҵындра)

⚫️Шьапы заҵәы, вара ду.
(аԥҳәаҟәа)

⚫️Лаџ гәҭынха.
(ахәа)

⚫️Аҭаацәа рыргәырӷьага, мца рцәага.
(амгьал)

⚫️Аҳ иеимсқәа ишьырхуеит, аҭаацәа еибаргәырӷьоит.
(аџьма аныршьуа)

⚫️Нымҩахыҵ шша-мпрыцәк ыларшәуп.
(а́ча)

⚫️Слаба лакьы ҵлахықәмацәыс.
(алапҟьа)

⚫️Аҩ иаҩуеит, ах иахуеит, аԥса гәара иҭанаԥсоит.
(аӡлагара)

⚫️Амхы еиқәа аандаш.
(алуи ашылеи)

⚫️Гыды-гыды шьап паҟьа.
(агара)

⚫️Цәеиқәеи цәаԥшьи еивагьежьуеит.
(амцеи ачуани)

⚫️Суаҩаԥшь хәҷы итәарҭа ҳаскьын ықәиаауам.
(аԥырӷы)

⚫️Иахьа хәлаанӡа иныҟәоит, ианааилак мацәазк атәарҭа атәарҭоуп.
(алаба)

Ахыҵхырҭа: Мушьни Миқаиа. Тур ихәаа ражәабжьқәа. Аҟәа, 2013.

🧡 Ахьыуардын шәақәтәа
Please open Telegram to view this post
VIEW IN TELEGRAM
👍11🔥53
🎬 Акинематограф иазҟазоу шәыҟоума?

Аԥсны акультура аминистрра зметр кьаҿу, ма адокументалтә фильмқәа рконкурс ҳаланаҳәеит. Атема – Аԥсны ахақәиҭра 30 шықәса ахыҵра, ҳхьыԥшымра азхаҵарагьы 15 шықәса ахыҵра.

Аицлабра рхы аладырхәыр рылшоит 18 ирҭысхьоу, аха 45 иреиҳам Аԥсны атәылауаа зегьы. Аалыҵ аԥсышәала ицәажәозароуп, асубтитрқәа урысшәала иацны. Ажанр зеиԥшразаалак ауеит, асценари хыҭхәыцаа аиԥш, алитературатә рҿиамҭа шьаҭас измоугьы ахархәара азин ыҟоуп.

Иреиӷьу асценариқәа 300-300 нызқь мааҭ рзыршәоит. Иҟоуп убасгьы Аԥсны жәлар рџьынџьтәылатә еибашьра аинвалидцәа рфонд агрант – 400 нызқь мааҭ.

✍️ Ажәакала, акы зҷышәуа зегьы ишәабжьаҳгоит шәхы ԥышәшәарц, уҽыззыукуа аҽузнакуеит. Асценари алаҵатәуп жәабран 27 рҟынӡа, иреиӷьу алыркаауеит лаҵара 10 рзы. Афильм ҭыхны еиқәыршәаны ирыҭатәуп цәыббра 5-нӡа.

Ҳара ҳахәҭаахьала иацаҳҵар ҳҭахуп, Алықьса Гогәуеи Џьума Аҳәбеи аибашьра иазку рыпроза шәазхьаԥшырц, асахьаркыратә знеишьала иааурԥшыр ауеит Таиф Аџьба аибашьраантәи имшынҵагьы "Бзиала иаҳзырша!"

🧡 Ахьыуардын шәақәтәа
Please open Telegram to view this post
VIEW IN TELEGRAM
👍111
This media is not supported in your browser
VIEW IN TELEGRAM
Аԥсыӡкыҩцәа реиндаҭлара мҩаԥысит арҭ аԥсшьарамшқәа рзы Кәыдры.

Зынӡа 12 команда алахәын Аԥснынтә, Урыстәыла арегионқәа рҟынтә. Актәи-аҩбатәи аҭыԥқәа москваа иргеит, ахԥатәи – Нхыҵ Уаԥстәыла.

"Ҳасасцәа ргәы ҟаҳҵарц ҳашьҭан, уи азы идырны ҳаҽҳмырӷәӷәеит", – иҳәеит Аԥсны аԥсыӡкыҩцәа рфедерациа ахада Альберт Бондаренко.

Иара иажәақәа рыла, аиԥш зеиԥшу аицлабра еиҿыркаарц ргәы иҭоуп нанҳәамзазы Ҩыԥсара. Усҟан Китаинтә алахәцәагьы раара иазыԥшуп.

Аиндаҭлара амҩаԥгаразы аӡиас иҭарҵеит 2200 хы амлагәыр. Аԥсыӡ иркуаз анырыԥхьаӡалак, ҩаԥхьа аӡы иаларҵон.

📖 Ажәар

Аршә каҭа́, аӡа́аршә
– закидная сеть,
Аҵәы́рхәа, аҵәы́рҭ – гарпун
Арқьа́ц (арқьы́ц) – крючок
Аҵәгәы́р – удочка
Аԥсқьа́рра – браконьерство

🧡 Ахьыуардын шәақәтәа
Please open Telegram to view this post
VIEW IN TELEGRAM
👍14🏆1