Ахьыуардын
Аԥсны иреиҳаӡоу ҳаракыроуп Ҟарачы-Черқьестәылеи ҳареи ҳәаара ҳзызуа Адумпеишьха (Домбай-Ульген), ақәцәақәа хԥа амоуп, иҳаракӡоу 4046 метра иҩаӡоит. Абри ашьха ахьӡ азҭаз шәышықәса раԥхьа зыхәҵәы ықәхыз ашәарах ԥшӡа – адумпеи ауп (кавказский зубр, Bison bonasus…
Адумпеи хаҭа аԥсы ҭаны изеиԥшраз ахьаҳбо абри асахьа заҵәык ауп, Кавказтәи аҳәырԥсарра архив иатәуп.
Иӷьазӷьазуа, ахәы рҳәны, атәыҩақәа ырхәаны, уажә иужәларашәа угәы иабоит, аха ҟазшьала дара зынӡа иҭынчын. Акызаҵәык, цәыббын (август-сентябрь) ибыҩҩуа иалагон, ацәқәа дара-дара тәыҩала еибаклон, аха уи зегь ԥсабаратәын, аамҭалан.
▫️ Адумпеиқәа рыкапан 500-700 кьыла инаӡоит, ргылара – 1,8 метра. Аԥсуаа ауаҩ нырҳара, ахаҵа ӷәӷәа изы "адумпеи даҟароуп" рҳәоит.
Уамашәа иубаша, зыжәла ҿыц икыз адумпеиқәа ХХ ашәышықәсазы даҽа ҩынтә аныӡаара ахықә иқәгылахьан: Аџьынџьтәылатә еибашьра ду аан, нас Асовет Еидгыла анеилаҳагьы. Анемец фашистцәа Кавказ ршьапы анықәдыргыла, зхы аџьыка ықәызххьаз ааӡарҭа аусзуҩцәа арахә аурыжьын, уаҩ дахьзымнеиуаз аԥсҭақәа ирҭарҵеит.
1990-тәи ашықәсқәа рзы адумпеиқәа ирылоу ашьа цқьам ҳәа ҿырԥас иҟаҵаны ааӡарҭа ахьчара иазкыз аԥара ааныркылеит. Ҩаԥхьа иҵысит аԥсқьарцәа, зқьи хәышә рҟынтә зхы рцәызгаз 150 роуп.
Иахьа аусқәа рҽеиуп, Кавказ иахьаҵанакуа ааӡарҭақәа акымкәа иҟоуп. Арахь Аԥсныҟагьы ицәтәны иҟоу жәык ҳамазар ианаҳҵарын, иаҳцәырымшьыр.
🧡 Ахьыуардын шәақәтәа

Please open Telegram to view this post
VIEW IN TELEGRAM
👍13
This media is not supported in your browser
VIEW IN TELEGRAM
Анкьа аԥсуаа ачара уахынла ируан, уажәеиԥш ҽынла ируӡомызт, аҭаца илҿаршәыз акасгьы еиқәаҵәан. Избан?
Мушьни Миқаиа ироман "Ашацәа ртәарҭа" аҟны абри дахьалацәажәо ҭыԥ бзиак ыҟоуп, иааҳгарц ҳҭаххеит:
"Аҵхи ачареи Анцәа еизишеит! Ачара аҵх иарԥшӡоит! Убри азоуп Анцәа аҵхи ачареи зеизишаз! – рҳәон ҳабдуцәа. – Уахынлатәи ачара амышьҭа бзиоуп! Уахынлоуп ашла иҿаҳәатәи, иныҳәаԥхьыӡи аныҟало. Алаԥш цәгьеи, аҿаԥшы цәгьеи, адгьыл ршеижьҭеигьы алашьцара ӷарҭахәыс ирыман. Алашьцараҿы амышьҭеи алаԥши есымша имчыдоуп!"
🧡 Ахьыуардын шәақәтәа
Мушьни Миқаиа ироман "Ашацәа ртәарҭа" аҟны абри дахьалацәажәо ҭыԥ бзиак ыҟоуп, иааҳгарц ҳҭаххеит:
"Аҵхи ачареи Анцәа еизишеит! Ачара аҵх иарԥшӡоит! Убри азоуп Анцәа аҵхи ачареи зеизишаз! – рҳәон ҳабдуцәа. – Уахынлатәи ачара амышьҭа бзиоуп! Уахынлоуп ашла иҿаҳәатәи, иныҳәаԥхьыӡи аныҟало. Алаԥш цәгьеи, аҿаԥшы цәгьеи, адгьыл ршеижьҭеигьы алашьцара ӷарҭахәыс ирыман. Алашьцараҿы амышьҭеи алаԥши есымша имчыдоуп!"
Please open Telegram to view this post
VIEW IN TELEGRAM
👍12🙏3😍3❤1
Ахатәы бызшәа
Сара сбызшәа рҿыҵакуп
Сышьхақәа сзыхшаз.
Урҭ адунеи иахаануп,
Уи акәхап ас изшлаз.
Сара сбызшәоуп ирхылҵуа
Сырҩаш ҭрысқәа бжьыс.
Са сқыҭақәа, сыбла ихымҵуа,
Сбызшәоуп ирхоу ԥсыс.
Сара сбызшәала ицәажәоит
Сыдгьыл, нас ишԥа!
Сара сбызшәала игәжәажәоит
Сымшын ацәқәырԥа.
Сара сбызшәала ицәажәом
Миллионҩыла ауаа,
Аха сбызшәала ицәажәоит
Зқьышықәсала ауаа.
Иџьашәымшьан, хатәы бызшәада
Сгәеисыбжь цқьа ишәмаҳар,
Сан слааӡар хатәы бызшәада,
Иалшон сҿаҳахар!
1964 ш.
Ихрестоматиатәу абри ажәеинраала автор, апатриот Борис Гәыргәлиа иахьа 87 шықәса ихыҵуазаарын. Дқәыԥшын ианиҩуаз.

❤16👍6
Агәабзиара иазку аԥсуа жәаԥҟақәа:
🟠 Ауаҩы изы ауаҩы дыхәшәуп.
🟠 Уҩыза инапы ухәра арӷьоит.
🟠 Азҩа маӡа ауаҩы дагоит.
🟠 Агәабзиара иамоуп хьӡык, ахьаа – ахьӡқәа рацәаны.
🟠 Ачымазарақәа раҟара агәабзиарақәа ыҟандаз.
🟠 Аблахьаа ахыхь уханаршҭуеит.
🟠 Хәшәы змам егьыҟам.
🟠 Чымазара зымбац гәабзиара ҳаҭыр изақәым.
🟠 Азҩыда ачымазаҩ дизеилкаауам.
🟠 Аиреи аԥсреи амш еилырхуам.
🟠 Агәабзиара зыԥсоу ачымазаҩ уиазҵаа.
🟠 Учымазара иахҭнуҵаз уахымбаан.
Реиҳарак ааҳгоит Жәлар рмедицина иазку Светлана Наҷьҟьебиа лышәҟәаҟынтә.
#ажәаԥҟақәа
🧡 Ахьыуардын шәақәтәа
Реиҳарак ааҳгоит Жәлар рмедицина иазку Светлана Наҷьҟьебиа лышәҟәаҟынтә.
#ажәаԥҟақәа
Please open Telegram to view this post
VIEW IN TELEGRAM
👍11❤3
Адгьыл иазааигәоу аԥсынҵры ицуп. Нхан асакьаҳәымҭа. Иахьа аӡәыр иҳәомашь Аҽагашәа? "Ҷах-сах, уах-сах, ҳаҳаи, аӡәы аашьа умыхьын…"
Адгьылқәаарыхра аԥшьызгаз, ажәытәӡатәи аҽагагьы зхәыцыз аԥҳәыс лоуп рҳәоит, ҳашықәсԥхьаӡара ҟалаанӡа абыжьбатәи азқьышықәсазы. Абжьарахаҳә аамҭа ахыркәшарахь ианнеиуаз. Усҟан арыц зқәырҟәаҟәоз ахаҳәқәа ԥшаауп Аԥсны иахьаҵанакуа. Иахьанӡа иааит аҳаҟьа аформала. Шаҟа милаҭ, шаҟа ҳәынҭқарра ҿиеи, иагьаныӡааи уиижьҭеи? Ҳара ҳаҟоуп, ари нахысгьы ҳадгьыл ҳашьҭа анымҵуа Анцәа иҳәааит.
🌽 Аџьықәреи, аԥш, нарҭыхә (ашәуаа рҿы) – ахьӡ рацәа ахьамоу аинтерес аҵоуп. Аҵарауаа рыбжьара иҟоуп агәаанагара, ажәытәан "аџьықәреи" ҳәа изышьҭаз асаӡқәа иаадрыхуаз ахәыӡ жәлак акәзар ҟалон ҳәа.
🧡 Ахьыуардын шәақәтәа
Адгьылқәаарыхра аԥшьызгаз, ажәытәӡатәи аҽагагьы зхәыцыз аԥҳәыс лоуп рҳәоит, ҳашықәсԥхьаӡара ҟалаанӡа абыжьбатәи азқьышықәсазы. Абжьарахаҳә аамҭа ахыркәшарахь ианнеиуаз. Усҟан арыц зқәырҟәаҟәоз ахаҳәқәа ԥшаауп Аԥсны иахьаҵанакуа. Иахьанӡа иааит аҳаҟьа аформала. Шаҟа милаҭ, шаҟа ҳәынҭқарра ҿиеи, иагьаныӡааи уиижьҭеи? Ҳара ҳаҟоуп, ари нахысгьы ҳадгьыл ҳашьҭа анымҵуа Анцәа иҳәааит.
🌽 Аџьықәреи, аԥш, нарҭыхә (ашәуаа рҿы) – ахьӡ рацәа ахьамоу аинтерес аҵоуп. Аҵарауаа рыбжьара иҟоуп агәаанагара, ажәытәан "аџьықәреи" ҳәа изышьҭаз асаӡқәа иаадрыхуаз ахәыӡ жәлак акәзар ҟалон ҳәа.
Please open Telegram to view this post
VIEW IN TELEGRAM
👍11❤5
Зоура-зыҭбаара наӡаз, ҵҩа змам абаҩхатәра злаз, дааиқәаны, дгәыкны, ашьхарыуа гәеицамк – абас дыҟан Аԥсны Жәлар рартист, аибашьҩы, ашәаҳәаҩ, акәашаҩ, актиор Томас Кәакәасқьыр. Ԥхынгәы 22 иара даниз амшоуп.
Аԥсуаа ҳамацара ҳакәым, Асовет Еидгыла ахьынӡанаӡааӡоз, Европа атәылақәа рҿгьы ауаа ргәы иҭымҵәараны иҟаз артист диит 1943 шықәсазы Бзыԥҭа ақыҭан, аԥсуа ааӡара иоуит аҟазара зшьа-зда иҭахәмаруаз аҭаацәараҿы. Даныхәыҷыз убас деиҿкаан, аҵараҿгьы дҟәыбҷан, Ҷыгә ҳәа иарҳәон.
Томас Кәакәасқьыр ирҿиаратә мҩа хациркит оператә шәаҳәаҩыс, Москва аҵара иҵеит, уаҟа хьӡи-ԥшеи змоу Станиславски Немирович-Данченкои рыхьӡ зху амузыкатә театр аҿы аус иуан. Аҟәаҟа данаа Аԥсны имҩаԥысуаз арҿиаратә ԥсҭазаара агәҭа далагылеит: даара ибжьы бзиан, аклассикатә аԥҵамҭақәа, ажәлар рашәақәа иҳәон, дықәԥраауа дкәашон.
Аԥсны аҩнуҵҟеиԥш уи анҭыҵгьы деицырдыруа дҟазҵаз, ҳәара аҭахума, асовет фильм "Хҭырԥа шкәакәа" ауп, Ҳаџьараҭ Кьахьба ироль инаигӡаз. Ари акино 20 миллионҩык инареиҳаны ауаа ахәаԥшит, Ҳаџьараҭ бзиа дырбеит, рхы-ргәаҿы даанхеит. Иқәҿиаран арежиссиор изгьы, актиор хада изгьы. Ус акәхеит избанзар Томас Кәакәасқьыр афырхаҵа иҭеиҭԥш иман, афырхаҵа игәаӷьгьы изҭан.
Иҭахашьа шыҟалазгьы уи аршаҳаҭуеит. Аибашьра еибганы иалҵыз, уажәшьҭа иҽыԥхьеикыргьы ҟалон, аха аҭагылазаашьа ҭышәынтәаламызт, аҳәаахь ԥшыхәра дымцар имуит, аҵыхәтәантәи имҩагьы уи акәхеит.
Ицәыӡ дуун ҳкультуразы, иҩызцәа рхахьы иргеит "далмасын, даҳзымхьчеит" ҳәа. Аха афырхаҵа ихьӡ ҵәыуатәым, избанзар ԥсра иқәым. Иԥсаҭа лашазааит!

👍13❤4
Иԥыруеит, иӡсауеит, иныҟәоит. Аҷныш абжьызаҵәқәа, зны-зынла ҳхы ҭызҟьало, аха ҳагаҿа зыда ухаҿы иузаамго аԥсаатәқәа.
Аԥсны иуԥылоит аҷныш ахкқәа 15, Урыстәыла – 23, зынӡа дара 100-хкык ыҟоуп. Уажәааны ҳамшын аԥшаҳәа иахагьежьуа иху аҭыԥантәиқәа роуп (средиземноморская чайка), ахьҭақәа аныҟалалак ҩадахьтә иаҳзаауеит жәа-нызқьла егьырҭ ахкқәагьы, ашкәакәеи ацәаԥшьи уахь иналаҵаны.
Аҷнышқәа еилауаҭыруа зегь раасҭа ирацәаны иамоуп Аҟәа, Пицунда, Гагра, иара убас Шәқәырча аӡиа.
А́ҷныш, а́жәҩаш – средиземноморская чайка;
Амшын ҷныш ду – большая морская чайка;
Аҷныш хәыҷы – малая чайка;
Амшынҳәыҳә – морской голубок, тонкоклювая чайка;
Аӡиа ҷныш – обыкновенная или озерная чайка;
Аҷныш шкәакәа – белая чайка;
Аҷныш цәаԥшь – розовая чайка;
Аҷнышҟарул – вид мелкой чайки;
Аҷнышсифаҭ – крачка.
#аԥсаатәқәа

👍10❤2
"Атәымра ианышәаз даԥшәыман збахьада?
Зыԥсадгьыл иазымхо зызхаз дҟалаӡом.
Аԥсуа бираҟқәа бираҟхом ҳбызшәада,
Ҳгарашәа еихсыӷьыр, ҳбираҟқәа еиқәхаӡом".
Рушьбеи Смыр
Шьала иҿыху, аԥсыцқьақәа зыхҭынҵоу Аԥсны аҳәынҭқарратә бираҟ иахьа 31 шықәса ахыҵит. Шәышықәсала иаауа иԥшьоу ҳдырга – анапеиҵых ҳаамҭазтәи абираҟ ишанылаз еиҭаҳгәалаҳаршәеит абра >>

👍14❤2
Ахьыуардын
"Атәымра ианышәаз даԥшәыман збахьада? Зыԥсадгьыл иазымхо зызхаз дҟалаӡом. Аԥсуа бираҟқәа бираҟхом ҳбызшәада, Ҳгарашәа еихсыӷьыр, ҳбираҟқәа еиқәхаӡом". Рушьбеи Смыр Шьала иҿыху, аԥсыцқьақәа зыхҭынҵоу Аԥсны аҳәынҭқарратә бираҟ иахьа 31 шықәса…
This media is not supported in your browser
VIEW IN TELEGRAM
Ҳзыхшаз Нарҭаа зхы еихәларҵаз,
Ҳамцаԥхара – ҳхәышҭаара!
Аԥсҳа дуӡӡа зуасхыр шьҭеиҵаз,
Ҳжәытә ҳәынҭқарра – Ҳаҳҭынра!
Кавказ зырԥшӡо џьанаҭ тәыла,
Ҳаблаҷыц хәыҷ – ҳ-АԤСЫНРА!
Зҵеицәа гәымшәақәа еидгыла,
Ҿыц иампыҵыржәааз аԥсра!
Ҳаит амарџьа, аццышә уалҵны,
Уеиҭамарымажа – уӷьаца!
Аԥсҭҳәеиқәаражә кылблаа уалсны,
Умра ԥхартә еиԥш ижжаӡа!
Абжьы рныҩуа ҳашьха-ҳага,
Ан лгара ахьлырҵысуа,
Ҳбызшәа-ҳаԥсшәа, ҳаԥсыҩҭкаага,
Ӡыхьҵас иҵхәраан иахьаауа!..
Витали Амаршьан "Ҳжәытә ҳәынҭқарразы агимн"
Please open Telegram to view this post
VIEW IN TELEGRAM
👍13❤2
This media is not supported in your browser
VIEW IN TELEGRAM
"А́гәуа ҵасгьы шәымлаӷь-лаӷьын – аураашьа!
А́шәуа ҵасгьы шәеибарзаза – аураашьа!"
Аураашьа иацырҳәоз ашәа вариантк иалазаап абри еиԥш ажәақәа. Акәашара ахаҭа шжәытәӡатәиу ҳазааҭгылахьан абра. Ашәуаҵасла – по-абазински ауп, агәуаҵасла иаанагои? Издыруада, ажәытәан а́гәуаа ҳәа ирышьҭазҭгьы Аҟәа араион иқәынхоз ауааԥсыра – центральные люди. Агәуаа – аҟәаа, абжьыуаа – очамчыраа. Ахҵәараан Аҟәа араион анҭацәы, атермингьы ыӡзар ҟалон.
Мамзаргьы, зыӡбахә ҳәоу Аҟәеи Ӡыгәҭеи рыбжьара инхоз Агәуа аҳабла (Алексеевка) ауааԥсыра ракәу? Даара аинтерес ҳамоуп, шәыхшыҩ ҳалашәҵа.🤝
Ирҳәоит убас, агәы́уааи ахы́уааи ҳәа, аха уи даҽакуп: ақыҭа агәаны инхо, ақыҭа ахахьы инхо ауаа ҳәоуп иаанаго. Ари ажәеицааира еиҳарак абжьыуатәи адиалект аҿы иуԥылоит. Абжьыуа қыҭақәа хәба рҿы иҟоуп Ахыуаа аҳабла (Аӡҩыбжьа, Кәтол, Ҭхьына, Кындыӷ, Маркәыла), Гал араион Абаақыҭ аҳаблақәа руакгьы Ахыуаа ахьӡуп.
🔸 Ахыуаа иреигәыӷны аҽаҩра аазымрыхыз ҳәа (Ажәаԥҟа).
🧡 Ахьыуардын шәақәтәа
А́шәуа ҵасгьы шәеибарзаза – аураашьа!"
Аураашьа иацырҳәоз ашәа вариантк иалазаап абри еиԥш ажәақәа. Акәашара ахаҭа шжәытәӡатәиу ҳазааҭгылахьан абра. Ашәуаҵасла – по-абазински ауп, агәуаҵасла иаанагои? Издыруада, ажәытәан а́гәуаа ҳәа ирышьҭазҭгьы Аҟәа араион иқәынхоз ауааԥсыра – центральные люди. Агәуаа – аҟәаа, абжьыуаа – очамчыраа. Ахҵәараан Аҟәа араион анҭацәы, атермингьы ыӡзар ҟалон.
Мамзаргьы, зыӡбахә ҳәоу Аҟәеи Ӡыгәҭеи рыбжьара инхоз Агәуа аҳабла (Алексеевка) ауааԥсыра ракәу? Даара аинтерес ҳамоуп, шәыхшыҩ ҳалашәҵа.
Ирҳәоит убас, агәы́уааи ахы́уааи ҳәа, аха уи даҽакуп: ақыҭа агәаны инхо, ақыҭа ахахьы инхо ауаа ҳәоуп иаанаго. Ари ажәеицааира еиҳарак абжьыуатәи адиалект аҿы иуԥылоит. Абжьыуа қыҭақәа хәба рҿы иҟоуп Ахыуаа аҳабла (Аӡҩыбжьа, Кәтол, Ҭхьына, Кындыӷ, Маркәыла), Гал араион Абаақыҭ аҳаблақәа руакгьы Ахыуаа ахьӡуп.
🔸 Ахыуаа иреигәыӷны аҽаҩра аазымрыхыз ҳәа (Ажәаԥҟа).
Please open Telegram to view this post
VIEW IN TELEGRAM
👍11
Аҳауа аҟынтә даҽа сахьа ԥшӡак. Хәылбыҽхатәи Агәыӡера. Амшын бырфын касшәа аҽеиҵыхны ага ԥшӡа иаваиоуп. 🌊
Агәыӡера аԥсышәала ихьӡыҵәҟьоу Абгы́ӡырра ауп (Кизиловая роща). Ижәдыруазма? Иахьа ҳзышьцылоу ахьӡ ахылеит ХХ ашәышықәса алагамҭазы, Смецкои ихаан: исанаториқәа руак "Агудзера" ҳәа дашьҭан, "абгыӡырра" изымҳәазт.
🧡 Ахьыуардын шәақәтәа
Агәыӡера аԥсышәала ихьӡыҵәҟьоу Абгы́ӡырра ауп (Кизиловая роща). Ижәдыруазма? Иахьа ҳзышьцылоу ахьӡ ахылеит ХХ ашәышықәса алагамҭазы, Смецкои ихаан: исанаториқәа руак "Агудзера" ҳәа дашьҭан, "абгыӡырра" изымҳәазт.
Please open Telegram to view this post
VIEW IN TELEGRAM
❤🔥10👍7
Ахьыуардын
Адгьыл иазааигәоу аԥсынҵры ицуп. Нхан асакьаҳәымҭа. Иахьа аӡәыр иҳәомашь Аҽагашәа? "Ҷах-сах, уах-сах, ҳаҳаи, аӡәы аашьа умыхьын…" Адгьылқәаарыхра аԥшьызгаз, ажәытәӡатәи аҽагагьы зхәыцыз аԥҳәыс лоуп рҳәоит, ҳашықәсԥхьаӡара ҟалаанӡа абыжьбатәи азқьышықәсазы.…
Шардын ихьӡ зырдууоз
Хәаџьа Шардын ҟәрышьк ҳәа аҽаг ихуан, аҽаг анихлакь ашьҭахь инапы аӡәӡәара ҩ-ҟәрышьк рыхә асапын ақәӡуан.
Ҽнак Шардын ԥҳәыск диазҵааит:
– Шардын уанаџьалбеит! Ҟәрышьк ҳәа аҽаг ухуеит, ҩ-ҟәрышьк рыхә асапын унапы аӡәӡәара иагоит, қьарс иумоузеи? – ҳәа.
Шардын аҭакс аԥҳәыс ус леиҳәеит:
– Сара аҟаза сыхьӡуп. Уи сыхьӡ заҟа иардууо бдыруама, ҩ-ҟәрышьк ракәым! 🤭
Маадан Сақаниа иҳәамҭоуп
🧡 Ахьыуардын шәақәтәа
Хәаџьа Шардын ҟәрышьк ҳәа аҽаг ихуан, аҽаг анихлакь ашьҭахь инапы аӡәӡәара ҩ-ҟәрышьк рыхә асапын ақәӡуан.
Ҽнак Шардын ԥҳәыск диазҵааит:
– Шардын уанаџьалбеит! Ҟәрышьк ҳәа аҽаг ухуеит, ҩ-ҟәрышьк рыхә асапын унапы аӡәӡәара иагоит, қьарс иумоузеи? – ҳәа.
Шардын аҭакс аԥҳәыс ус леиҳәеит:
– Сара аҟаза сыхьӡуп. Уи сыхьӡ заҟа иардууо бдыруама, ҩ-ҟәрышьк ракәым! 🤭
Маадан Сақаниа иҳәамҭоуп
Please open Telegram to view this post
VIEW IN TELEGRAM
Telegram
Ахьыуардын
Адгьыл иазааигәоу аԥсынҵры ицуп. Нхан асакьаҳәымҭа. Иахьа аӡәыр иҳәомашь Аҿагашәа? "Ҷах-сах, уах-сах, ҳаҳаи, аӡәы аашьа умыхьын…"
Адгьылқәаарыхра аԥшьызгаз, ажәытәӡатәи аҽагагьы зхәыцыз аԥҳәыс лоуп рҳәоит, ҳашықәсԥхьаӡара ҟалаанӡа абыжьбатәи азқьышықәсазы.…

👍8😁3
Ахьыуардын
Ажәа сахьарк абырҵкал икылызхуаз апоет, аиҭагаҩ, алитератураҭҵааҩ, апрофессор Владимир Аҵнариа диижьҭеи 85 шықәса ҵит. Иахьа уажәраанӡа аԥсуа литература акритикаҿы иара ицназго дыҟам ҳәоуп ирҳәо аҵарауаагьы ашәҟәыҩҩцәагьы еицҿакны. Иажәа џьбаран, арҽхәарақәа…
Ажәлар рыла ихы ираӡон – абас иҳәеит Олег Дамениа иҩыза Владимир Аҵнариа дихцәажәо. Даара изыԥхьатәу акоуп. Зегьы иҳазкуп. Ҳзызцоз, ҳаззааиз афилософ иблала >>
🧡 Ахьыуардын шәақәтәа
Please open Telegram to view this post
VIEW IN TELEGRAM
Sputnik Аҧсны
"Ажәлар рҵеи - доуҳалагьы, занааҭлагьы": Олег Дамениа аҵарауаҩ Владимир Аҵнариа изы
Аҵарауаҩ, ауаажәларратә усзуҩ, 130-ҩык аԥсуаа рышәҟәы аԥҵаҩцәа ируаӡәкыз Владимир Аҵнариа иирамш аҳаҭыр азы ишәыдаагалоит Sputnik аколумнист уи иҩыза гәакьа, Асоциал-економикатә ҭҵаарақәа рцентр аиҳабы, ауаажәларратә усзуҩы Олег Нестор-иԥа...
👍8
"Смачхәал цым-цым ҭыҳәҭа змамыз Сыхәда инхысшьын, снаҵысит".
Абас иалагоит Иуа Коӷониа еицырдыруа иажәеинраала "Ашәарыцаҩ ашьха". Изакәузеи амачхәа́л?
Амачхәал, амаџьар, амачыҟәа, аӡамҭа уҳәа убас иҵегь – ажәытә излашәарыцоз, излеибашьуаз шәақьқәоуп. Дара акыр ирацәоуп, хаз-хазы рсахьақәа ааганы рҷыдарақәа ҳазрыламцәажәар ҟалап, аха рыхьӡқәак еидаҳкылеит.
Аԥсуа хаҵа, ашьхауаҩ абџьар имазар акәын. Ашәақь бзиа џьынџьуп, аб иҟынтә аԥа иахь ииасуан, иахьагьы ус ауп. "Ахьӡ алаугааит!" ҳәа мыц зымҳәо абџьар ҳамҭас аҟаҵара патуқәҵара дууп, аиҩызареи аиашьареи ирдыргоуп.
"Ашәақь ахы аҩсҭаа дҭатәоуп" рҳәоит. Егьа ишеиҵам удыруазаргьы, ауаҩы иқәкра ҵасым, агәыцә аҭаԥшра ҟалаӡом.
🔸 Дхысны дцеит – он добился успеха, вышел победителем.
🔸 Ашәақь еиҵамҵа ҳгәыдиҵеит – он нас опозорил; подвел.
🔸 Асамԥал еиҧш уиашоуп – ты совершенно прав (ирония, "ты прямой, как курок").
📖
Ашәақь гәыцәеизада – гладкоствольное ружье;
Ашәақь гәыцәҭаԥҟа – ружье с нарезным стволом;
Зынҭырҟьеиа ашәақь – однозарядное ружье;
Аҵы́сшәақь – дробовик;
Ашәақь ҩ-ҿык змоу – двустволка;
Аҭаҳәҭеи, аҭыҳәҭа – чехол для ружья;
Ахызаҵә – ашәақь гәыцәеизада злеиҵарҵоз.

👍15
Ахьыуардын
"Смачхәал цым-цым ҭыҳәҭа змамыз Сыхәда инхысшьын, снаҵысит". Абас иалагоит Иуа Коӷониа еицырдыруа иажәеинраала "Ашәарыцаҩ ашьха". Изакәузеи амачхәа́л? Амачхәал, амаџьар, амачыҟәа, аӡамҭа уҳәа убас иҵегь – ажәытә излашәарыцоз, излеибашьуаз шәақьқәоуп. Дара…
Хәаа-заа нылабга рҳәо шәаҳахьоума? Ашәарыцаратә бызшәала "ахысра" аанагоит. Хәаа́-заа, мамзаргьы аза́ҧ – ашәақь ауп. Аза́ԥра – ахысра, а́зара – ашәарыцара, абзыԥқәа ашәарыцаразы убасгьы ана́чара рҳәоит.
Ашәарыцацәа бзиа еицырбо лафк:
Шәарыцара сахьынҭыҵыз, – иҳәеит Пашә-иҧа Сабыда, – қәасабк сылаҧш иааҵашәан, азнык иааҭсырҟьаз ахызаҵә ала ахгьы ашьҭахьтә шьапгьы ицҟьа-шәҟьа илыҟасҵеит.
Изыӡырҩуаз Қәыџь-иҧа Мураҭ: – Ишба уара, хык ала ашьапгьы иақәуршәо, ахгьы уцҟьо ишбаҟала? – ҳәа дҵааит.
– Ашьҭахьтә шьапала ахы шабҕуаз сеихсит, – иҳәеит Сабыда.
Кадыр Аӡынба иҳәамҭоуп, ианиҵеит Владимир Аҩӡба.
📖
Аизаа – калибр ружья;
Ақәҧшыга – мушка;
Ашәақь аҵыгьра – отдача;
Ашәақь еибамгеит – ружье дало осечку;
Ашәақь еихәыдхашәеит; еихәлахеит – ружье заело;
Ахы кәараҵеит – пуля отрикошетила.

👍11😁3