Ахьыуардын
1.26K subscribers
1.38K photos
220 videos
1.66K links
Ахьыуардын — аԥсуа бызшәеи, аҭоурыхи, акультуреи ирызку апроект ҷыда. Напбзиа-шьапбзиа ахьыуардын дақәтәоуп. Шәҳацла: ахьы хәыҷуп, аха шәкы ицоит, аӡә дышәҩыкны дҳаԥхьаӡоит.
Download Telegram
Шәааи ҳахәмарып: иацу зҳәода?

Ага – ашьха
Арха – аҿаҩа
Аҳаԥы – аҳаҩа
Акаршәра – акаӡӷыра

Ацуфарақәа:

🟠 Ӷәыр-ӷәыр – ԥацәа каԥса.
(алу)

🟠 Шьапызаҵә, мгәаду. (аԥҳәаҟәа)

🟠 Ауаҩ кьаҿ – гәашәхьча. (ацаԥха)

🧡 Ахьыуардын шәақәтәа
Please open Telegram to view this post
VIEW IN TELEGRAM
👍134👏2
Убла хызкуа, аҳашьыл-ԥшшәы змоу аҵыс зныкыр ижәбахьазар, уи ашьхарҟәыҭ ауп (зеленая щурка, пчелоед). Даара иласны иԥыруеит, амҵәыжәҩақәа аууп, аԥыц аӡаӡ еиԥш иҵарӡа иҟоуп.

Ашьхарҟәыҭ ахьӡ ишаҳәо ала, ашьхақәеи ашхырцәаӷьқәеи афоит, иара убас ашышкамсқәа, еиуеиԥшым амаҵақәа, ашәаԥыџьаԥ иаԥырхагоу абжқәагьы уахь иналаҵаны. Абнаршәыра рацәак аҽаланарӡуам, аҿаҩа қыҭақәа рҟны иуԥылалоит. Ашьхааӡара знапы алаку аԥхасҭа рнаҭар алшоит.

Аԥсаа ахьӡ авариантқәа амоуп: ашьхабыршәы, ашьхамҵас (ишыԥыруа ашьха иамҵасны иакуеит, ац ҿнаҵәаауеит, насоуп ианылбаанадо).

#аԥсаатәқәа

🧡 Ахьыуардын шәақәтәа
Please open Telegram to view this post
VIEW IN TELEGRAM
👍93
Гагра иҟалаз аӡхыҵрақәа аҳауа ҽыԥсахра мацара иахарам, ари екологиатә рыцҳароуп, изыхҟьар ауаз амзызқәагьы рацәоуп. Абас лҳәеит абиолог, агеоботаник Асида Агрԥҳа арадио Sputnik аефираҿ.

Ҳала иабаз асахьа зеиԥшраз ала, ашьхарахь абна хыршьаауеит, ишакәым ала аԥсҭақәа ирҭалоит уҳәаратәы иҟоуп. Иҩбахаз, аӡымҩахгагақәа иҟоу еиқәшәам, иагьазхом, ихԥахазгьы – иҷыдоу хылаԥшрада аргылара ҳаҿуп.

Анкьа аԥсуа игәараанда быцала ишышын, мамзаргьы иашҭа-игәара акәыцаанда акәиршон, иахьа абаагәарақәа шьҭызхуа рацәаҩуп, уигьы анырра ҟанаҵоит ҳәа лыԥхьаӡоит аспециалист.

Ари адагьы илҳәаз шәазыӡырҩырц шәылшоит абра >>

🧡 Ахьыуардын шәақәтәа
Please open Telegram to view this post
VIEW IN TELEGRAM
👍84
This media is not supported in your browser
VIEW IN TELEGRAM
Очамчыра – Гиуенос 2523 шықәса ахыҵра ныҳәа дуны иазгәарҭоит иахьа абжьыуаа. Аизҳареи аҿиареи рымазааит!

Ажәытә қалақь аҩ-хьӡык аԥсышәала изырцәажәо ыҟоуп.

◽️ Очамчыра – Аџьамԥҽы́ра иахылҿиааит ҳәа рҳәоны изаҳахьаз аинформант даниҵеит абызшәадырҩы Валери Кәарҷиа (Иуана Делба, Акәасқьа ақыҭа, 90 шықәса днарҭысхьан). Ииашаҵәҟьаны, араҟа анкьаӡа акыцӡырҭақәа ыҟан, аҳаԥшьақәеи ачысмаҭәеи иҟарҵоз Аԥсны акырџьара ирышьҭуан.

◽️ Гиунеос ашьаҭаҿы иҟалап Дәҩан акәзар иҳамоу ҳәа иҳәахьан Дырмит Гәлиа. Дәҩан аӷдарра ахьӡын амшын иацәыхарамкәа Мықә аӡиас арыӷьарахьтәи аԥшаҳәаҿы ишьҭоу адәы. "Рҩани Дәҩани рыбжьара" ҳәа ажәа иалаҵаны ирҳәоит. Рҩан аӡиас – Риони ауп.

🧡 Ахьыуардын шәақәтәа
Please open Telegram to view this post
VIEW IN TELEGRAM
👍132🎉2
"Аԥсуааи адыгааи жәларыкны иахьышьақәгылаз Аԥсноуп. Нас рҽырҭбаан Кавказ рҽахьырыгӡеит. Дахьынтәаауа згәаламшәо, иашьцәеи иареи рыжәҩахыр еиԥҟьар ауеит, убри ауп арыцҳара!"

Абас иҳәахьан аҟабарда жәлар рышәҟәыҩҩы, Жәларбжьаратәи ассоциациа "Адыгэ-Хасэ" аиҿкааҩ, уи аҭҳамада, Кавказ жәларқәа рфольклори рҭоурыхи бзиаӡаны издыруаз, гәыкалаҵәҟьа аԥсуаа иаҳзыҟаз Заурби Налоев.

Ашәҟәыҩҩы акырынтә Аԥсныҟа даахьан, Владислав Арӡынбеи Баграт Шьынқәбеи дырԥылон, аҵарауаа дуқәа Шьалуа Инал-Иԥеи Шоҭа Салаҟаиеи ҩызцәас иман. Аибашьра анцоз ажәалагьы услагьы даара дҳахәеит.

Ԥхынгәы 15 рзы Заурби Налоев диижьҭеи 95 шықәса ҵуеит. Иуаҩышьеи ирҿиара амҽхаки инарҭбааны иазааҭгылеит ашәҟәыҩҩцәа Анатоли Лагәлааи Геннади Аламиеи. Реиҿцәажәара шәаԥхьарц шәылшоит абра >>

🧡 Ахьыуардын шәақәтәа
Please open Telegram to view this post
VIEW IN TELEGRAM
👍135
"Аны́шәҟәыд" ҳәа изышьҭоу арбан?
Anonymous Quiz
49%
Арахис
31%
Фисташка
20%
Миндаль
9👍3
Аԥсуаа акакан азы "Аԥсныхәша" рҳәозаарын (масло Абхазии). Аныҟәацәа зыршанхоз араҵла дуӡӡақәа ҳтәылаҿы акырџьара иуԥылон, уи ауп "ара" злоу аҭыԥхьыӡқәагьы зырацәоу.

Араҵла адац, агәаԥшь, ашәыр, абӷьы уҳәа зегьы рхы иадырхәон ааигәанӡа:

• Арадац аҵгара аритуал – ачымазарақәа ахәышәтәуеит, алаԥшцәгьа уҟәнагоит ҳәа ԥхьаӡан;
• Агәаԥшь – зеиӷьыҟам ргыларатә маҭәахәын;
• Араԥа – ашәыга еиқәаҵәа алырхуан;
• Акакан, арашы – иахьагьы зда ҳхәарҭам фатәуп;
• Абӷьы иаҵәа – амгьал ақәырӡуан.

Араԥ ажәа даҽа ҵакыкгьы амоуп: "темнокожий".

Ахыҵхырҭа: В. Кварчия "Из этнической истории абхазского народа", 2015, ад. 127.

🧡 Ахьыуардын шәақәтәа
Please open Telegram to view this post
VIEW IN TELEGRAM
👍14
"Амра ссируп аҭашәамҭаз..."

Амра анҭашәалак анапхыц ахсара ҵасым рҳәоит, избан жәдыруама? Аҭак ҳауит абри ажәаԥҟаҿы: Анасыԥ ҳнапхыц иавҵоуп, аџьал ҳакәа иҭоуп.

🌅 Амра аҭашәара иадҳәалоу иҵегь азгәаҭарақәа ҳамоуп.

Ахәыҷымаҭәа ӡәӡәаны ицәызар, амра ҭашәаанӡа аҩныҟа иааугароуп, мамзар аԥшқа джьамкуеит рҳәоит.
Ақыҭанхацәа амра ҭашәаанӡа рыҩнашәқәа адыркуеит, иаартны инхар – ачымазарақәеи, иԥсхьоу рыԥси ҩналоит ҳәа ԥхьаӡаны. Аха баша иныдырҵом, иныҳәоит: "Бзиарала иаҳаркуа! Бзиарала иааҳартуа!" ҳәа.

Аԥсуаа ааскьанӡа Амраныҳәеи Амзаныҳәеи мҩаԥыргон, амреи амзеи рсахьа змоу акәакәарқәа иахьагьы иҟазҵо ыҟоуп Хәажәкыраан. Абарҭқәа рылагьы иҩашьом ҳажәлар рҭоурыхи рдунеихәаԥшышьеи ажәытәӡа ишаларсу.

🧡 Ахьыуардын шәақәтәа
Please open Telegram to view this post
VIEW IN TELEGRAM
👍115
Ажәакала иуҳәозар…

🏠 АБЗАМАҬӘА
– Хозтовары

🪦 АԤСЫМАҬӘА – Ритуальные услуги

Абарҭ ажәақәа аҿыц ԥсҭазаара рыҭара иаԥсоуп иҳәахьан аҭоурыхҭҵааҩ Арвелод Кәыпраа. Ҳақәшаҳаҭуп, ирышьашәалоу аурыс вариантқәа ааҳгоит. Шәахәаԥш шаҟа иманшәалоу, шаҟагьы иаԥсышәоу.

Абзазаратә маҭәахәқәа, ма атауарқәа уҳәар аасҭа "абза́маҭәа" еиҳа икьаҿуп, игәылыршәоуп. "Амаҭәа" араҟа "одежда" ҳәа еилкаатәӡам, иумаҭәоу ауп. Абзамаҭәа – абза изы имаҭәоу зегьы – пригодное для жизни (хозяйственной деятельности) человека, аԥсы́маҭәа – все необходимое для покойника. Адҩылараҿгьы аҭыԥ маҷны иагоит.

Зегь шьцылароуп, ҳәарада, аха "Аритуалтә маҵзурақәа" уанаԥхьо, аурысшәахьоуп ухы ахьцо, хатәы бызшәала угәы иаднакылаӡом.

Ажәа "абзамаҭәа" аниҵеит аҵарауаҩ ду Гьаргь Ӡиӡариа Лыхны ақыҭан, ажьи Қыжә-иԥа Капыт Ӡариа инапы иҵихуаз амаҭәарқәа реиқәыԥхьаӡараан.

📖 Ажәеицааира "анапы аҵхра" ажьироуп изхылҿиааз

🧡 Ахьыуардын шәақәтәа
Please open Telegram to view this post
VIEW IN TELEGRAM
👍13🔥3
Ахьыуардын
Ахьтәы́цҳа ҳәа иахьашьҭоу аҭыԥ ыҟоуп Лыхны, Хьацкәара аҳаблан. Абри аҩыза ахьӡ шахылаз ҳәа ажәабжь еиҭарҳәоит, лхаа иҳаԥхьо шәыҟазар, ишәҳәа џьара акырҳцәыбжьахозар: Ажәытәӡа зны ара инхоз ҩ-шьҭракы ахҟа рыбжьалеит, жәлак иатәыз қәнамгарыла ирызныҟәеит егьырҭ…
Абра зыӡбахә ҳҳәоз Аӡлага́рӡы ахьӡ шахылаз еилаҳкааит – Лыхны итәаз Аԥсны аҳ Ачачба иӡлагара ҭагылазаарын. XIX ашәышықәса аҽеиҩшамҭанӡа Бзыԥын иарада даҽак ыҟамызт, алуқәа рыла илагон. Аха нас, иангәарҭа, ӡиаск 10-15 ӡлагара анҭадыргылозгьы ыҟан, аки-аки еицәыхарамкәа. Абри атәы иҳәоит Гьаргь Ӡиӡариа иусумҭақәа рҿы. Абар иара ианиҵаз ҳәамҭакгьы:

"Ҳаҳцәа рхәы анызлаго "ӷыр-ӷыр" ҳәа излагоит. Ҳара ҳахәы анызлаго "уараарҷу-ураарҷу" ҳәа ибзианы игәӡаны излагоит". Мысҭаф Ашәба, (112 ш.), Дәырԥшь ақыҭа

Алу иаҵазгьы дықьуан, алыхәҭа иаҵазгьы дықьуан иҳәеит анхаҩы. Алу азы ахаҳә ацәра, нас ашьҭыхра мариамызт, "сакә-сапыншәа" напыла алагарагьы – убас. Алагара иаҿыз еиҳарак аҳәса ракәын, еицырдыруа "Алу ашәагьы" махәҿалатәи рџьабаа иалиааз ауп.

🧡 Ахьыуардын шәақәтәа
Please open Telegram to view this post
VIEW IN TELEGRAM
👍95
Ахьыуардын
Акыр зычҳаз акыр ибеит рҳәоит аԥсуаа. Ари ажәаԥҟа иамоуп даҽа варианткгьы: Акыр зычҳаз ашә-бӷьы тлазны ибеит. Ажәаԥҟа иара усгьы икьаҿуп, аха иҟоуп убас шьоукы-шьоукы, зназы иаҳа иауз, нас ишнеиуаз аҩбатәи зыхәҭа амҵыз – иара адагьы ицәажәон азы. Ҳрыхәаԥшып…
This media is not supported in your browser
VIEW IN TELEGRAM
💧 Абзиа ҟаҵаны аӡы иаҭ.

Аԥсуа ипсихологиа зныԥшуа ажәаԥҟа шьахә. Абзиа ҟауҵазар, уаламҽхәан, иухаршҭ ҳәоуп иаҳәо. Ари ажәаԥҟа аҵакы хаҭа уагәылазырԥшуа, ихарҭәаау авариантқәа амоуп. Уажә иааҳго аҿырԥштәқәа асахьаркыратә литератураҿ иаҳԥылеит, аха рыхԥагьы рҿы ажәлар ишырҳәо ҳәа азгәаҭоуп:

🟠 Абзиа ҟаҵаны аӡы иаҭ: иуԥылар бзиоуп, иуԥымларгьы – амшын ду ахь иагап. (Рушьни Џьопуа "Ахымҩас")

🟠 Абзиа ҟаҵаны аӡы иаҭ, зегь акоуп иӡуам. (Анатоли Возба "Пату уқәзымҵаз пату иқәҵатәым")

🟠 Абзиара ҟаҵаны аӡы иоуҭаргьы, мышкы зны џьара иуԥылоит. (Владимир Анқәаб)

#иацу_ыҟоуп

🧡 Ахьыуардын шәақәтәа
Please open Telegram to view this post
VIEW IN TELEGRAM
👍93
Аԥсны иреиҳаӡоу ҳаракыроуп Ҟарачы-Черқьестәылеи ҳареи ҳәаара ҳзызуа Адумпеишьха (Домбай-Ульген), ақәцәақәа хԥа амоуп, иҳаракӡоу 4046 метра иҩаӡоит. Абри ашьха ахьӡ азҭаз шәышықәса раԥхьа зыхәҵәы ықәхыз ашәарах ԥшӡа – адумпеи ауп (кавказский зубр, Bison bonasus caucasicus).

ХХ ашәышықәса алагамҭанӡа адумпеиқәа ҳабнақәа рҿы иуԥылон, аӡагақәа ԥшааны идырбзон, ацыхаӡқәа ржәуан, уаҩы иԥырхагамызт. Нарҭаа инадыркны зқьышықәсала ашьхарыуаа реишәарыцон еиҷаҳарыла, ихызшьааз еиҳарак аԥсқьарцәа роуп. 1927 шықәсазы ишьын аҵыхәтәантәи адумпеи. Уи ашьҭахь даҽа жәашықәса аҵарауаа ашьхарахь аекспедициақәа мҩаԥыргон, аха уаҳа умԥсит, акгьы рымбеит.

Бзиашәа, Гамбург инханы иҟазаарын аӡәы ихазы ианиҵарц иигахьаз думпеи цәык, "Кавказ" ахьӡын. Уи ашьа злаз аҳәарақәа ааганы Кавказ адумпеиааӡарҭа еиҿыркааит. Абасала ажәла ҿыц еиҭашьақәдыргылеит. Ашьацқьа злоу думпеиқәам, аха зегь акоуп, иара ацәаара унахьдырԥшуеит. Иахьазы рхыԥхьаӡара зқьы-хы инареиҳауп.

📖
Аӡа́га – минеральный источник; солончак
Аԥсқьа́р – браконьер

Асахьа: kubantoday.ru

🧡 Ахьыуардын шәақәтәа
Please open Telegram to view this post
VIEW IN TELEGRAM
👍152
Ахьыуардын
Аԥсны иреиҳаӡоу ҳаракыроуп Ҟарачы-Черқьестәылеи ҳареи ҳәаара ҳзызуа Адумпеишьха (Домбай-Ульген), ақәцәақәа хԥа амоуп, иҳаракӡоу 4046 метра иҩаӡоит. Абри ашьха ахьӡ азҭаз шәышықәса раԥхьа зыхәҵәы ықәхыз ашәарах ԥшӡа – адумпеи ауп (кавказский зубр, Bison bonasus…
Адумпеи хаҭа аԥсы ҭаны изеиԥшраз ахьаҳбо абри асахьа заҵәык ауп, Кавказтәи аҳәырԥсарра архив иатәуп.

Иӷьазӷьазуа, ахәы рҳәны, атәыҩақәа ырхәаны, уажә иужәларашәа угәы иабоит, аха ҟазшьала дара зынӡа иҭынчын. Акызаҵәык, цәыббын (август-сентябрь) ибыҩҩуа иалагон, ацәқәа дара-дара тәыҩала еибаклон, аха уи зегь ԥсабаратәын, аамҭалан.

▫️ Адумпеиқәа рыкапан 500-700 кьыла инаӡоит, ргылара – 1,8 метра. Аԥсуаа ауаҩ нырҳара, ахаҵа ӷәӷәа изы "адумпеи даҟароуп" рҳәоит.

Уамашәа иубаша, зыжәла ҿыц икыз адумпеиқәа ХХ ашәышықәсазы даҽа ҩынтә аныӡаара ахықә иқәгылахьан: Аџьынџьтәылатә еибашьра ду аан, нас Асовет Еидгыла анеилаҳагьы. Анемец фашистцәа Кавказ ршьапы анықәдыргыла, зхы аџьыка ықәызххьаз ааӡарҭа аусзуҩцәа арахә аурыжьын, уаҩ дахьзымнеиуаз аԥсҭақәа ирҭарҵеит.

1990-тәи ашықәсқәа рзы адумпеиқәа ирылоу ашьа цқьам ҳәа ҿырԥас иҟаҵаны ааӡарҭа ахьчара иазкыз аԥара ааныркылеит. Ҩаԥхьа иҵысит аԥсқьарцәа, зқьи хәышә рҟынтә зхы рцәызгаз 150 роуп.

Иахьа аусқәа рҽеиуп, Кавказ иахьаҵанакуа ааӡарҭақәа акымкәа иҟоуп. Арахь Аԥсныҟагьы ицәтәны иҟоу жәык ҳамазар ианаҳҵарын, иаҳцәырымшьыр.

🧡 Ахьыуардын шәақәтәа
Please open Telegram to view this post
VIEW IN TELEGRAM
👍13
This media is not supported in your browser
VIEW IN TELEGRAM
Анкьа аԥсуаа ачара уахынла ируан, уажәеиԥш ҽынла ируӡомызт, аҭаца илҿаршәыз акасгьы еиқәаҵәан. Избан?

Мушьни Миқаиа ироман "Ашацәа ртәарҭа" аҟны абри дахьалацәажәо ҭыԥ бзиак ыҟоуп, иааҳгарц ҳҭаххеит:

"Аҵхи ачареи Анцәа еизишеит! Ачара аҵх иарԥшӡоит! Убри азоуп Анцәа аҵхи ачареи зеизишаз! – рҳәон ҳабдуцәа. – Уахынлатәи ачара амышьҭа бзиоуп! Уахынлоуп ашла иҿаҳәатәи, иныҳәаԥхьыӡи аныҟало. Алаԥш цәгьеи, аҿаԥшы цәгьеи, адгьыл ршеижьҭеигьы алашьцара ӷарҭахәыс ирыман. Алашьцараҿы амышьҭеи алаԥши есымша имчыдоуп!"

🧡 Ахьыуардын шәақәтәа
Please open Telegram to view this post
VIEW IN TELEGRAM
👍12🙏3😍31
Ахатәы бызшәа

Сара сбызшәа рҿыҵакуп
Сышьхақәа сзыхшаз.
Урҭ адунеи иахаануп,
Уи акәхап ас изшлаз.

Сара сбызшәоуп ирхылҵуа
Сырҩаш ҭрысқәа бжьыс.
Са сқыҭақәа, сыбла ихымҵуа,
Сбызшәоуп ирхоу ԥсыс.

Сара сбызшәала ицәажәоит
Сыдгьыл, нас ишԥа!
Сара сбызшәала игәжәажәоит
Сымшын ацәқәырԥа.

Сара сбызшәала ицәажәом
Миллионҩыла ауаа,
Аха сбызшәала ицәажәоит
Зқьышықәсала ауаа.

Иџьашәымшьан, хатәы бызшәада
Сгәеисыбжь цқьа ишәмаҳар,
Сан слааӡар хатәы бызшәада,
Иалшон сҿаҳахар!

1964 ш.

Ихрестоматиатәу абри ажәеинраала автор, апатриот Борис Гәыргәлиа иахьа 87 шықәса ихыҵуазаарын. Дқәыԥшын ианиҩуаз.

🧡 Ахьыуардын шәақәтәа
Please open Telegram to view this post
VIEW IN TELEGRAM
16👍6
Ахшыҩҵак гәылҭәаа аԥыхьашәа бзиа иаҩсуеит. Аҩбагь уреигәырӷьоит.

🧡 Ахьыуардын шәақәтәа
Please open Telegram to view this post
VIEW IN TELEGRAM
👍12🔥4
Агәабзиара иазку аԥсуа жәаԥҟақәа:

🟠 Ауаҩы изы ауаҩы дыхәшәуп.

🟠 Уҩыза инапы ухәра арӷьоит.

🟠 Азҩа маӡа ауаҩы дагоит.

🟠 Агәабзиара иамоуп хьӡык, ахьаа – ахьӡқәа рацәаны.

🟠 Ачымазарақәа раҟара агәабзиарақәа ыҟандаз.

🟠 Аблахьаа ахыхь уханаршҭуеит.

🟠 Хәшәы змам егьыҟам.

🟠 Чымазара зымбац гәабзиара ҳаҭыр изақәым.

🟠 Азҩыда ачымазаҩ дизеилкаауам.

🟠 Аиреи аԥсреи амш еилырхуам.

🟠 Агәабзиара зыԥсоу ачымазаҩ уиазҵаа.

🟠 Учымазара иахҭнуҵаз уахымбаан.

Реиҳарак ааҳгоит Жәлар рмедицина иазку Светлана Наҷьҟьебиа лышәҟәаҟынтә.

#ажәаԥҟақәа

🧡 Ахьыуардын шәақәтәа
Please open Telegram to view this post
VIEW IN TELEGRAM
👍113
Адгьыл иазааигәоу аԥсынҵры ицуп. Нхан асакьаҳәымҭа. Иахьа аӡәыр иҳәомашь Аҽагашәа? "Ҷах-сах, уах-сах, ҳаҳаи, аӡәы аашьа умыхьын…"

Адгьылқәаарыхра аԥшьызгаз, ажәытәӡатәи аҽагагьы зхәыцыз аԥҳәыс лоуп рҳәоит, ҳашықәсԥхьаӡара ҟалаанӡа абыжьбатәи азқьышықәсазы. Абжьарахаҳә аамҭа ахыркәшарахь ианнеиуаз. Усҟан арыц зқәырҟәаҟәоз ахаҳәқәа ԥшаауп Аԥсны иахьаҵанакуа. Иахьанӡа иааит аҳаҟьа аформала. Шаҟа милаҭ, шаҟа ҳәынҭқарра ҿиеи, иагьаныӡааи уиижьҭеи? Ҳара ҳаҟоуп, ари нахысгьы ҳадгьыл ҳашьҭа анымҵуа Анцәа иҳәааит.

🌽 Аџьықәреи, аԥш, нарҭыхә (ашәуаа рҿы) – ахьӡ рацәа ахьамоу аинтерес аҵоуп. Аҵарауаа рыбжьара иҟоуп агәаанагара, ажәытәан "аџьықәреи" ҳәа изышьҭаз асаӡқәа иаадрыхуаз ахәыӡ жәлак акәзар ҟалон ҳәа.

🧡 Ахьыуардын шәақәтәа
Please open Telegram to view this post
VIEW IN TELEGRAM
👍115
Зоура-зыҭбаара наӡаз, ҵҩа змам абаҩхатәра злаз, дааиқәаны, дгәыкны, ашьхарыуа гәеицамк – абас дыҟан Аԥсны Жәлар рартист, аибашьҩы, ашәаҳәаҩ, акәашаҩ, актиор Томас Кәакәасқьыр. Ԥхынгәы 22 иара даниз амшоуп.

Аԥсуаа ҳамацара ҳакәым, Асовет Еидгыла ахьынӡанаӡааӡоз, Европа атәылақәа рҿгьы ауаа ргәы иҭымҵәараны иҟаз артист диит 1943 шықәсазы Бзыԥҭа ақыҭан, аԥсуа ааӡара иоуит аҟазара зшьа-зда иҭахәмаруаз аҭаацәараҿы. Даныхәыҷыз убас деиҿкаан, аҵараҿгьы дҟәыбҷан, Ҷыгә ҳәа иарҳәон.

Томас Кәакәасқьыр ирҿиаратә мҩа хациркит оператә шәаҳәаҩыс, Москва аҵара иҵеит, уаҟа хьӡи-ԥшеи змоу Станиславски Немирович-Данченкои рыхьӡ зху амузыкатә театр аҿы аус иуан. Аҟәаҟа данаа Аԥсны имҩаԥысуаз арҿиаратә ԥсҭазаара агәҭа далагылеит: даара ибжьы бзиан, аклассикатә аԥҵамҭақәа, ажәлар рашәақәа иҳәон, дықәԥраауа дкәашон.

Аԥсны аҩнуҵҟеиԥш уи анҭыҵгьы деицырдыруа дҟазҵаз, ҳәара аҭахума, асовет фильм "Хҭырԥа шкәакәа" ауп, Ҳаџьараҭ Кьахьба ироль инаигӡаз. Ари акино 20 миллионҩык инареиҳаны ауаа ахәаԥшит, Ҳаџьараҭ бзиа дырбеит, рхы-ргәаҿы даанхеит. Иқәҿиаран арежиссиор изгьы, актиор хада изгьы. Ус акәхеит избанзар Томас Кәакәасқьыр афырхаҵа иҭеиҭԥш иман, афырхаҵа игәаӷьгьы изҭан.

Иҭахашьа шыҟалазгьы уи аршаҳаҭуеит. Аибашьра еибганы иалҵыз, уажәшьҭа иҽыԥхьеикыргьы ҟалон, аха аҭагылазаашьа ҭышәынтәаламызт, аҳәаахь ԥшыхәра дымцар имуит, аҵыхәтәантәи имҩагьы уи акәхеит.

Ицәыӡ дуун ҳкультуразы, иҩызцәа рхахьы иргеит "далмасын, даҳзымхьчеит" ҳәа. Аха афырхаҵа ихьӡ ҵәыуатәым, избанзар ԥсра иқәым. Иԥсаҭа лашазааит!

🧡 Ахьыуардын шәақәтәа
Please open Telegram to view this post
VIEW IN TELEGRAM
👍134
Иԥыруеит, иӡсауеит, иныҟәоит. Аҷныш абжьызаҵәқәа, зны-зынла ҳхы ҭызҟьало, аха ҳагаҿа зыда ухаҿы иузаамго аԥсаатәқәа.

Аԥсны иуԥылоит аҷныш ахкқәа 15, Урыстәыла – 23, зынӡа дара 100-хкык ыҟоуп. Уажәааны ҳамшын аԥшаҳәа иахагьежьуа иху аҭыԥантәиқәа роуп (средиземноморская чайка), ахьҭақәа аныҟалалак ҩадахьтә иаҳзаауеит жәа-нызқьла егьырҭ ахкқәагьы, ашкәакәеи ацәаԥшьи уахь иналаҵаны.

Аҷнышқәа еилауаҭыруа зегь раасҭа ирацәаны иамоуп Аҟәа, Пицунда, Гагра, иара убас Шәқәырча аӡиа.

А́ҷныш, а́жәҩаш – средиземноморская чайка;
Амшын ҷныш ду – большая морская чайка;
Аҷныш хәыҷы – малая чайка;
Амшынҳәыҳә – морской голубок, тонкоклювая чайка;
Аӡиа ҷныш – обыкновенная или озерная чайка;
Аҷныш шкәакәа – белая чайка;
Аҷныш цәаԥшь – розовая чайка;
Аҷнышҟарул – вид мелкой чайки;
Аҷнышсифаҭ – крачка.

#аԥсаатәқәа

🧡 Ахьыуардын шәақәтәа
Please open Telegram to view this post
VIEW IN TELEGRAM
Please open Telegram to view this post
VIEW IN TELEGRAM
👍102