Ахьыуардын
1.27K subscribers
1.38K photos
220 videos
1.66K links
Ахьыуардын — аԥсуа бызшәеи, аҭоурыхи, акультуреи ирызку апроект ҷыда. Напбзиа-шьапбзиа ахьыуардын дақәтәоуп. Шәҳацла: ахьы хәыҷуп, аха шәкы ицоит, аӡә дышәҩыкны дҳаԥхьаӡоит.
Download Telegram
Media is too big
VIEW IN TELEGRAM
Ахаҳәқәа, дара ҿырҭуам, аха аӡы дырцәажәоит. Аӡиасқәа – еснагь амшын ахь иццакуа.

Аԥсны аҵакырадгьыл шырацәамгьы, ҳаӡқәа ԥсҭаҵаганы Амшын Еиқәа иалалоит – есышықәса 14 км³ рҟынӡа аӡымшьа цқьа. Ауааԥсыра иаҳуалу абри аекологиатә система ахьчароуп, уаԥырхагахар шәарҭоуп – иужәлоит. Аӡышьҭрақәа рыҟьашьра шамуа еиԥш, абӷанҷи аҳархьи инамыцхәны рыҭгара ҟалаӡом, аӡымҩа уаԥыҩлар ауӡом.

Абри атема инарҭбааны даҳзалацәажәон аеколог Роман Дбар. Ииҳәаз шәаԥхьарц шәылшоит абра>>
👍12
Ҳпоетцәа аӡәырҩы рбызшәа ажәарқәа ҳәа хаз-хазы еиқәуршәаратәы иҟоуп, ҭынч уи мацара иаҿу ауаа еидгаланы. Иаҳнаҭо рацәахон. Иаагозар Омар Беигәаа, Мушьни Миқаиа, Рушьбеи Смыр ражәеинраалақәа уанрыԥхьо, дара рҿада уаҳа ҽаџьара иуԥымло ажәақәа убоит. Ажәаргьы ианӡам, аха аконтекст ала еилукаауеит.

Иаҳҳәап, Беигәаа имоуп абри аҩыза ажәа "сыхәлакы-лашьцакын" ҳәа (помрачнеть), "аибаи́ура" иҳәоит аибабара азы (увидеться, букв.: "обрести друг друга").

Уажәы шәахәаԥш Рушьбеи Смыр иҟынтә куплетк:

"Анкьаӡа инкарҟьон аҩы иаҵахоз ахқәа,
Уажә иаҵышьшь иржәуеит афаҷыхә иарганы.
Ацыхаӡқәа рҭыԥан ицәырҵыр аӡмахқәа,
Ҳнымҩасыргь алшоит ҳашӡышо ҳӷьызкны".

Ацы́хаӡы – ледяной горный родник;
Ах – винный осадок, винная гуща;
Афаҷы́хә – ажәар ианӡам, аха ҳгәанала, ах шьҭыҵны аҩы ианалалак иахьӡу ауп: "винный камень", "тартраты"

Ишәаҳахьазма ари ажәа?

🧡 Ахьыуардын шәақәтәа
Please open Telegram to view this post
VIEW IN TELEGRAM
👍10🔥42
Гәдоуҭа иҩахыкны ацәаҟәа кыдлеит, амш аилгарахь ахы архозар акәхап. Избаз шәыҟоума? Аз-ҵыхәак амшын ихгыланы "аӡы ажәуан"🌈
Please open Telegram to view this post
VIEW IN TELEGRAM
Please open Telegram to view this post
VIEW IN TELEGRAM
👍15😍5🔥3
Ахьыуардын
Ҳпоетцәа аӡәырҩы рбызшәа ажәарқәа ҳәа хаз-хазы еиқәуршәаратәы иҟоуп, ҭынч уи мацара иаҿу ауаа еидгаланы. Иаҳнаҭо рацәахон. Иаагозар Омар Беигәаа, Мушьни Миқаиа, Рушьбеи Смыр ражәеинраалақәа уанрыԥхьо, дара рҿада уаҳа ҽаџьара иуԥымло ажәақәа убоит. Ажәаргьы…
Ишдыру еиԥш, аҩы ауалыр, ма аҳаԥшьа ианҭоуҭәалак, ҩынтә ишуеит: зны ҭагалан, нас аԥхын аламҭалазгьы. Уажәааны изахьеит.

Аҩы зыршуа ах ауп. Ҩынтә ишны еиқәтәаз аҩы агьама еиҭанакуеит аҟынтә, ах шьҭыҵуа иалагаанӡа шьоукы еихыртоит (переливка), аха уи арыжәтә аџьбарара агоит. Агьамагьы аџьбарарагьы реиқәырхара иашьҭоу абри аҩыза "алаифхак" рдыруеит: арасаҵәы аанкыланы ауалыр аҵан арӷыз еихыршьқәа алдатәуп.

Аҳаԥшьа ҩы аҭаҭәараан, а́ца ацәа хзыршәлогьы ыҟоуп, уи иарҵәыҵәуам, агьама ҿышаны иҟанаҵоит (придает своеобразную терпкость).

🔸 Ах аҿы днеины дыҟоуп – он устал, обессилел; обнищал.
🔸Ах ижəызшəоуп дышцəажəо – он говорит сумбурно, несвязно.

🧡 Ахьыуардын шәақәтәа
Please open Telegram to view this post
VIEW IN TELEGRAM
👍8🔥5
Шьхацани шьхалбаани рыбжьара иҟоу аамҭа ахьӡ амоуп: Шьхабжаҳәы́н. Шьха-бжа-ҳәы-н – самый разгар выпаса в горах.

Шьхаца́н даҽакала Шьхы́лан ауп (ашьхылара аҟынтә), Шьхалбаан даҽакала – Шьхы́ҵын (ашьхыҵра аҟынтә), мамзаргьы Рахәе́илцан.

Абарҭ ах-аамҭак ирықәыршәаны Ашьха ныҳәара мҩаԥыргон аԥсуаа. Ахынтәгьы ашьтәа шьны. Шьхацан – ҳарманшәал ҳәа агәаҵәа ркуан, Шьхабжаҳәын – гыгшәыг ҳадумгалан ҳәа, Шьхыҵын – ҳахьурманшәалаз, машәырда ҳахьурчаз ҳәа.

📖
А́шьхацәҳәыра – альпы, альпийские луга
А́шьхацәҳәыра ҳәы́рҭақәа – альпийские пастбища

🔸 Шьханыҟәа дыҟамкәа Шьханыҳәа ҟарҵон (Ажәаԥҟа).

🧡 Ахьыуардын шәақәтәа
Please open Telegram to view this post
VIEW IN TELEGRAM
👍95👏2
Ақәа аадыруеит, ақәаршҩы аадыруеит. Иҟоуп даҽа ажәакгьы – ақәе́и. Абзыԥқәа ирҳәоит, асаӡқәа ирҳәон, Ԥсҳәынтә нхыҵҟа ихҵәаз ашьхарыуаа ирҿоуп.

Азныказы, диалекттә вариантуп угәахәуеит. Аха иҟоуп даҽакала ихәыцуа аҵарауаагьы. Убас, абызшәадырҩы Раиса Гәыблиа лгәаанагарала, ари еилоу ажәоуп, иагьышьақәгылеит абас: ақәа + ауе́иа "буря", "шторм". Ажәа уайа адыга бызшәақәа рҿгьы иуԥылоит амшцәгьа бааԥс аҵакы аманы.

Ауеиа (проливной дождь) иеиԥшуп ажәа ауе́имада (горькие обильные слезы), иҟалап еигәыцхәызар.

📚 Абри шԥеиԥшу аиаҭым хәыҷ иҵәыуара ауеимада (Б. Шьынқәба). Шьасиа ауеимада ҳәа инеималҭәеит (А. Гогәуа)

Ҳамш макьанагьы ихәар-чаруеит, уаҳа иханамырҟьандаз.

🧡 Ахьыуардын шәақәтәа
Please open Telegram to view this post
VIEW IN TELEGRAM
👍123
Аҩнатә ԥсаатәқәа ирызку алафқәа ирыцҵауа:

Хаптина хы-шықәса зхыҵуа шәишәи рбаӷьк лыман. "Абри аныс" узҳәомызт уи ашәишәи. Иара зықәнагоз асас иҟынгьы заҟараан аџьал иахлырԥахьази. Лыԥшәмагь ларгьы уи шаҟараан еимаркхьази, аха илуамызт.
Хаптина лырбаӷь есышықәса, уаҵәы
мшаԥызар иахьеиԥш, аџьырмыкьахь илгон. Аахәацәа 30 мааҭ лырҭон, аха лара ахә 35 мааҭ деиҵахомызт. Иара акәзар, џыԥс-гәырр ҳәа иниас-ааиасуан, ишыҽырбоз икараханы уаҳа аламкәа аҩныҟа иаалгон.
Ҽнак зны ашьыбжьон акәытқәа ааибарҟарҟарт. Хаптина уахь дындәылҟьеит. Абга аҵыхәа ашьҭарҽ лшәишәи хәырббуа, ирҳәазо иаманы илеиуан.
– Ҳаи абааԥс, уԥаҵа баша иуҿоума, ҳшәишәи абга иахьага умбаӡои?! – ҳәа лхаҵа акрыфара иаҿыз дизыҵҟьеит.
– Шаҟа ҳәа иагеи, бара, 35 бнаҭазар акәхап? – иҳәеит лхаҵа.

Ахыҵхырҭа: Жьужьа Ақаҩба "Алаҳәақәеи акаԥкаԥи"

#аԥсуа_лафқәа

🧡 Ахьыуардын шәақәтәа
Please open Telegram to view this post
VIEW IN TELEGRAM
👍11😁4😢3
Аԥсшәа аԥсы ҭоуп, аҩызцәа! Ашәҟәаҿы ҳзыԥхьаз акәым, ус баша ауаа рцәажәараҿы иахьа (ҽнакала) иҳаҳаз ажәеицааирақәа шаҟа иссиру шәахәаԥш:

рыбзоурақәа еиқәыршәаны (объединив свои лучшие качества, заслуги❗️)

ибӷа ҭарԥсаҟьаны (выгнув спину)

дсаушәыжь (предоставьте его мне)

Абас абызшәа здыруа иаҳҳәалар ада аҭахӡам, иаҳҳәалароуп, иара ҳахьчоит.

P. S.: Зҟынтә иҳаҳаз ахҩыкгьы зуаҩыбжара иҭагылоу қыҭауаауп.

🧡 Ахьыуардын шәақәтәа
Please open Telegram to view this post
VIEW IN TELEGRAM
19👍5🔥4
🧩 Ажәахырҿиаара

Аԥшқарах, акашәарах, ацынҵәарах, алыԥшаах – еицырзеиԥшу ирымоузеи? Ахьыӡҟақәеи аҟазшьарбақәеи ҳазҭо асуффикс . Арҭ ажәақәа шышьақәгылаз иаразнак игәоуҭоит, аха иҟоуп еилаӷьахьоу, еиҳагьы аинтерес зҵоу аҿырԥштәқәа, иаҳҳәап:

• А́шәарах – дикие звери;

• Ахымкы́х – безупречный;

• Агәлымҵәа́х – незабвенный;

• Ахлымӡа́ах – нечто ужасное;

• Арҭәара́х – сплав;

• Аҿыцбара́х – новинка;

• Аҳәанҳәа́х – узнанное понаслышке,

Ҟырҟылба́ах – съеденное наспех.

Шәаргьы иацышәҵа 👇

#ажәахырҿиаара

🧡 Ахьыуардын шәақәтәа
Please open Telegram to view this post
VIEW IN TELEGRAM
👍103🙏3
Шәааи ҳахәмарып: иацу зҳәода?

Ага – ашьха
Арха – аҿаҩа
Аҳаԥы – аҳаҩа
Акаршәра – акаӡӷыра

Ацуфарақәа:

🟠 Ӷәыр-ӷәыр – ԥацәа каԥса.
(алу)

🟠 Шьапызаҵә, мгәаду. (аԥҳәаҟәа)

🟠 Ауаҩ кьаҿ – гәашәхьча. (ацаԥха)

🧡 Ахьыуардын шәақәтәа
Please open Telegram to view this post
VIEW IN TELEGRAM
👍134👏2
Убла хызкуа, аҳашьыл-ԥшшәы змоу аҵыс зныкыр ижәбахьазар, уи ашьхарҟәыҭ ауп (зеленая щурка, пчелоед). Даара иласны иԥыруеит, амҵәыжәҩақәа аууп, аԥыц аӡаӡ еиԥш иҵарӡа иҟоуп.

Ашьхарҟәыҭ ахьӡ ишаҳәо ала, ашьхақәеи ашхырцәаӷьқәеи афоит, иара убас ашышкамсқәа, еиуеиԥшым амаҵақәа, ашәаԥыџьаԥ иаԥырхагоу абжқәагьы уахь иналаҵаны. Абнаршәыра рацәак аҽаланарӡуам, аҿаҩа қыҭақәа рҟны иуԥылалоит. Ашьхааӡара знапы алаку аԥхасҭа рнаҭар алшоит.

Аԥсаа ахьӡ авариантқәа амоуп: ашьхабыршәы, ашьхамҵас (ишыԥыруа ашьха иамҵасны иакуеит, ац ҿнаҵәаауеит, насоуп ианылбаанадо).

#аԥсаатәқәа

🧡 Ахьыуардын шәақәтәа
Please open Telegram to view this post
VIEW IN TELEGRAM
👍93
Гагра иҟалаз аӡхыҵрақәа аҳауа ҽыԥсахра мацара иахарам, ари екологиатә рыцҳароуп, изыхҟьар ауаз амзызқәагьы рацәоуп. Абас лҳәеит абиолог, агеоботаник Асида Агрԥҳа арадио Sputnik аефираҿ.

Ҳала иабаз асахьа зеиԥшраз ала, ашьхарахь абна хыршьаауеит, ишакәым ала аԥсҭақәа ирҭалоит уҳәаратәы иҟоуп. Иҩбахаз, аӡымҩахгагақәа иҟоу еиқәшәам, иагьазхом, ихԥахазгьы – иҷыдоу хылаԥшрада аргылара ҳаҿуп.

Анкьа аԥсуа игәараанда быцала ишышын, мамзаргьы иашҭа-игәара акәыцаанда акәиршон, иахьа абаагәарақәа шьҭызхуа рацәаҩуп, уигьы анырра ҟанаҵоит ҳәа лыԥхьаӡоит аспециалист.

Ари адагьы илҳәаз шәазыӡырҩырц шәылшоит абра >>

🧡 Ахьыуардын шәақәтәа
Please open Telegram to view this post
VIEW IN TELEGRAM
👍84
This media is not supported in your browser
VIEW IN TELEGRAM
Очамчыра – Гиуенос 2523 шықәса ахыҵра ныҳәа дуны иазгәарҭоит иахьа абжьыуаа. Аизҳареи аҿиареи рымазааит!

Ажәытә қалақь аҩ-хьӡык аԥсышәала изырцәажәо ыҟоуп.

◽️ Очамчыра – Аџьамԥҽы́ра иахылҿиааит ҳәа рҳәоны изаҳахьаз аинформант даниҵеит абызшәадырҩы Валери Кәарҷиа (Иуана Делба, Акәасқьа ақыҭа, 90 шықәса днарҭысхьан). Ииашаҵәҟьаны, араҟа анкьаӡа акыцӡырҭақәа ыҟан, аҳаԥшьақәеи ачысмаҭәеи иҟарҵоз Аԥсны акырџьара ирышьҭуан.

◽️ Гиунеос ашьаҭаҿы иҟалап Дәҩан акәзар иҳамоу ҳәа иҳәахьан Дырмит Гәлиа. Дәҩан аӷдарра ахьӡын амшын иацәыхарамкәа Мықә аӡиас арыӷьарахьтәи аԥшаҳәаҿы ишьҭоу адәы. "Рҩани Дәҩани рыбжьара" ҳәа ажәа иалаҵаны ирҳәоит. Рҩан аӡиас – Риони ауп.

🧡 Ахьыуардын шәақәтәа
Please open Telegram to view this post
VIEW IN TELEGRAM
👍132🎉2
"Аԥсуааи адыгааи жәларыкны иахьышьақәгылаз Аԥсноуп. Нас рҽырҭбаан Кавказ рҽахьырыгӡеит. Дахьынтәаауа згәаламшәо, иашьцәеи иареи рыжәҩахыр еиԥҟьар ауеит, убри ауп арыцҳара!"

Абас иҳәахьан аҟабарда жәлар рышәҟәыҩҩы, Жәларбжьаратәи ассоциациа "Адыгэ-Хасэ" аиҿкааҩ, уи аҭҳамада, Кавказ жәларқәа рфольклори рҭоурыхи бзиаӡаны издыруаз, гәыкалаҵәҟьа аԥсуаа иаҳзыҟаз Заурби Налоев.

Ашәҟәыҩҩы акырынтә Аԥсныҟа даахьан, Владислав Арӡынбеи Баграт Шьынқәбеи дырԥылон, аҵарауаа дуқәа Шьалуа Инал-Иԥеи Шоҭа Салаҟаиеи ҩызцәас иман. Аибашьра анцоз ажәалагьы услагьы даара дҳахәеит.

Ԥхынгәы 15 рзы Заурби Налоев диижьҭеи 95 шықәса ҵуеит. Иуаҩышьеи ирҿиара амҽхаки инарҭбааны иазааҭгылеит ашәҟәыҩҩцәа Анатоли Лагәлааи Геннади Аламиеи. Реиҿцәажәара шәаԥхьарц шәылшоит абра >>

🧡 Ахьыуардын шәақәтәа
Please open Telegram to view this post
VIEW IN TELEGRAM
👍135
"Аны́шәҟәыд" ҳәа изышьҭоу арбан?
Anonymous Quiz
49%
Арахис
31%
Фисташка
20%
Миндаль
9👍3
Аԥсуаа акакан азы "Аԥсныхәша" рҳәозаарын (масло Абхазии). Аныҟәацәа зыршанхоз араҵла дуӡӡақәа ҳтәылаҿы акырџьара иуԥылон, уи ауп "ара" злоу аҭыԥхьыӡқәагьы зырацәоу.

Араҵла адац, агәаԥшь, ашәыр, абӷьы уҳәа зегьы рхы иадырхәон ааигәанӡа:

• Арадац аҵгара аритуал – ачымазарақәа ахәышәтәуеит, алаԥшцәгьа уҟәнагоит ҳәа ԥхьаӡан;
• Агәаԥшь – зеиӷьыҟам ргыларатә маҭәахәын;
• Араԥа – ашәыга еиқәаҵәа алырхуан;
• Акакан, арашы – иахьагьы зда ҳхәарҭам фатәуп;
• Абӷьы иаҵәа – амгьал ақәырӡуан.

Араԥ ажәа даҽа ҵакыкгьы амоуп: "темнокожий".

Ахыҵхырҭа: В. Кварчия "Из этнической истории абхазского народа", 2015, ад. 127.

🧡 Ахьыуардын шәақәтәа
Please open Telegram to view this post
VIEW IN TELEGRAM
👍14
"Амра ссируп аҭашәамҭаз..."

Амра анҭашәалак анапхыц ахсара ҵасым рҳәоит, избан жәдыруама? Аҭак ҳауит абри ажәаԥҟаҿы: Анасыԥ ҳнапхыц иавҵоуп, аџьал ҳакәа иҭоуп.

🌅 Амра аҭашәара иадҳәалоу иҵегь азгәаҭарақәа ҳамоуп.

Ахәыҷымаҭәа ӡәӡәаны ицәызар, амра ҭашәаанӡа аҩныҟа иааугароуп, мамзар аԥшқа джьамкуеит рҳәоит.
Ақыҭанхацәа амра ҭашәаанӡа рыҩнашәқәа адыркуеит, иаартны инхар – ачымазарақәеи, иԥсхьоу рыԥси ҩналоит ҳәа ԥхьаӡаны. Аха баша иныдырҵом, иныҳәоит: "Бзиарала иаҳаркуа! Бзиарала иааҳартуа!" ҳәа.

Аԥсуаа ааскьанӡа Амраныҳәеи Амзаныҳәеи мҩаԥыргон, амреи амзеи рсахьа змоу акәакәарқәа иахьагьы иҟазҵо ыҟоуп Хәажәкыраан. Абарҭқәа рылагьы иҩашьом ҳажәлар рҭоурыхи рдунеихәаԥшышьеи ажәытәӡа ишаларсу.

🧡 Ахьыуардын шәақәтәа
Please open Telegram to view this post
VIEW IN TELEGRAM
👍115
Ажәакала иуҳәозар…

🏠 АБЗАМАҬӘА
– Хозтовары

🪦 АԤСЫМАҬӘА – Ритуальные услуги

Абарҭ ажәақәа аҿыц ԥсҭазаара рыҭара иаԥсоуп иҳәахьан аҭоурыхҭҵааҩ Арвелод Кәыпраа. Ҳақәшаҳаҭуп, ирышьашәалоу аурыс вариантқәа ааҳгоит. Шәахәаԥш шаҟа иманшәалоу, шаҟагьы иаԥсышәоу.

Абзазаратә маҭәахәқәа, ма атауарқәа уҳәар аасҭа "абза́маҭәа" еиҳа икьаҿуп, игәылыршәоуп. "Амаҭәа" араҟа "одежда" ҳәа еилкаатәӡам, иумаҭәоу ауп. Абзамаҭәа – абза изы имаҭәоу зегьы – пригодное для жизни (хозяйственной деятельности) человека, аԥсы́маҭәа – все необходимое для покойника. Адҩылараҿгьы аҭыԥ маҷны иагоит.

Зегь шьцылароуп, ҳәарада, аха "Аритуалтә маҵзурақәа" уанаԥхьо, аурысшәахьоуп ухы ахьцо, хатәы бызшәала угәы иаднакылаӡом.

Ажәа "абзамаҭәа" аниҵеит аҵарауаҩ ду Гьаргь Ӡиӡариа Лыхны ақыҭан, ажьи Қыжә-иԥа Капыт Ӡариа инапы иҵихуаз амаҭәарқәа реиқәыԥхьаӡараан.

📖 Ажәеицааира "анапы аҵхра" ажьироуп изхылҿиааз

🧡 Ахьыуардын шәақәтәа
Please open Telegram to view this post
VIEW IN TELEGRAM
👍13🔥3
Ахьыуардын
Ахьтәы́цҳа ҳәа иахьашьҭоу аҭыԥ ыҟоуп Лыхны, Хьацкәара аҳаблан. Абри аҩыза ахьӡ шахылаз ҳәа ажәабжь еиҭарҳәоит, лхаа иҳаԥхьо шәыҟазар, ишәҳәа џьара акырҳцәыбжьахозар: Ажәытәӡа зны ара инхоз ҩ-шьҭракы ахҟа рыбжьалеит, жәлак иатәыз қәнамгарыла ирызныҟәеит егьырҭ…
Абра зыӡбахә ҳҳәоз Аӡлага́рӡы ахьӡ шахылаз еилаҳкааит – Лыхны итәаз Аԥсны аҳ Ачачба иӡлагара ҭагылазаарын. XIX ашәышықәса аҽеиҩшамҭанӡа Бзыԥын иарада даҽак ыҟамызт, алуқәа рыла илагон. Аха нас, иангәарҭа, ӡиаск 10-15 ӡлагара анҭадыргылозгьы ыҟан, аки-аки еицәыхарамкәа. Абри атәы иҳәоит Гьаргь Ӡиӡариа иусумҭақәа рҿы. Абар иара ианиҵаз ҳәамҭакгьы:

"Ҳаҳцәа рхәы анызлаго "ӷыр-ӷыр" ҳәа излагоит. Ҳара ҳахәы анызлаго "уараарҷу-ураарҷу" ҳәа ибзианы игәӡаны излагоит". Мысҭаф Ашәба, (112 ш.), Дәырԥшь ақыҭа

Алу иаҵазгьы дықьуан, алыхәҭа иаҵазгьы дықьуан иҳәеит анхаҩы. Алу азы ахаҳә ацәра, нас ашьҭыхра мариамызт, "сакә-сапыншәа" напыла алагарагьы – убас. Алагара иаҿыз еиҳарак аҳәса ракәын, еицырдыруа "Алу ашәагьы" махәҿалатәи рџьабаа иалиааз ауп.

🧡 Ахьыуардын шәақәтәа
Please open Telegram to view this post
VIEW IN TELEGRAM
👍95
Ахьыуардын
Акыр зычҳаз акыр ибеит рҳәоит аԥсуаа. Ари ажәаԥҟа иамоуп даҽа варианткгьы: Акыр зычҳаз ашә-бӷьы тлазны ибеит. Ажәаԥҟа иара усгьы икьаҿуп, аха иҟоуп убас шьоукы-шьоукы, зназы иаҳа иауз, нас ишнеиуаз аҩбатәи зыхәҭа амҵыз – иара адагьы ицәажәон азы. Ҳрыхәаԥшып…
This media is not supported in your browser
VIEW IN TELEGRAM
💧 Абзиа ҟаҵаны аӡы иаҭ.

Аԥсуа ипсихологиа зныԥшуа ажәаԥҟа шьахә. Абзиа ҟауҵазар, уаламҽхәан, иухаршҭ ҳәоуп иаҳәо. Ари ажәаԥҟа аҵакы хаҭа уагәылазырԥшуа, ихарҭәаау авариантқәа амоуп. Уажә иааҳго аҿырԥштәқәа асахьаркыратә литератураҿ иаҳԥылеит, аха рыхԥагьы рҿы ажәлар ишырҳәо ҳәа азгәаҭоуп:

🟠 Абзиа ҟаҵаны аӡы иаҭ: иуԥылар бзиоуп, иуԥымларгьы – амшын ду ахь иагап. (Рушьни Џьопуа "Ахымҩас")

🟠 Абзиа ҟаҵаны аӡы иаҭ, зегь акоуп иӡуам. (Анатоли Возба "Пату уқәзымҵаз пату иқәҵатәым")

🟠 Абзиара ҟаҵаны аӡы иоуҭаргьы, мышкы зны џьара иуԥылоит. (Владимир Анқәаб)

#иацу_ыҟоуп

🧡 Ахьыуардын шәақәтәа
Please open Telegram to view this post
VIEW IN TELEGRAM
👍93