Ахьыуардын
1.27K subscribers
1.38K photos
222 videos
1.66K links
Ахьыуардын — аԥсуа бызшәеи, аҭоурыхи, акультуреи ирызку апроект ҷыда. Напбзиа-шьапбзиа ахьыуардын дақәтәоуп. Шәҳацла: ахьы хәыҷуп, аха шәкы ицоит, аӡә дышәҩыкны дҳаԥхьаӡоит.
Download Telegram
Ахьыуардын
Агәырҩа дугьы, агәырӷьара ду еиԥш, амцхә иӡыригом аԥсуа. Абиблиаҿы иаҳәоит уҩыза дуҵашьыцыртә умныҟәан ҳәа. Уи агәырӷьараҿы? Аԥсуа иҭоурых мҩаҿы убасҟак гәырҩа ихигахьеит, убасҟак аԥсреи аӡреи дрықәшәахьеит, аӡәи-аӡәи еихӡыӡаауа, рыгәқәа еибамшаҭар ада ԥсыхәа…
Ҳабҩы – Аԥсны ашьхараҿ ҩыџьара иаҳԥыло ҭыԥхьӡуп, уи мацарагьы ишьақәнарӷәӷәоит, ҳгәанала, иара шаԥсышәоу.

1. Ҳабҩы – Аҷандара аҩахыс уназлало ҳаблоуп, ақыҭа иатәуп;
2. Ҳабҩы // Ҳабҩықә – Гәыма ақыҭа иатәу ҳаблоуп. Урысшәала – Ахбюк.

Издыруада, арҭ аҭыԥқәа рҟны ажәытәӡан амаден ыҵырхуазҭгьы? Ҳа (камень) + абҩа (медь), Ҳабҩа ➡️ Ҳабҩы. Ауаа абҩа арҭәашьа иаразнак рнапаҿы ирзаамгеит, зназы ахаҳәи иареи еилаханы ишыҟаз рхы иадырхәон, нас ахаҳә ҭаԥҽҽны амхшьа рҵеит. Имыршӡакәа хаҳәла иасны еиҵырхуан, акәара́ захьӡугьы уи ауп.

Ҳабҩы Башкаԥсареиԥш ажәытәуаа амаден ахьыҵырхуаз аҵалашәкәарақәа ыҟаны иҳаздырӡом, аха ҳаԥсабара иҭаҵәахны иамоу амаӡақәа рацәоуп, иҭҵаатәуп. Уажә абраанӡа ҳазгазгьы абызшәоуп, аҭыԥ ахьӡ.

📖 Аҵалашәкәара - шахта, рудник
🔸Аҵалашәкәара иҭугаз жәлары ирыхьчагоуп (Ажәаԥҟа).

🧡 Ахьыуардын шәақәтәа
Please open Telegram to view this post
VIEW IN TELEGRAM
👍9
📌 Ажәа бзиоуп

Аԥа́џьа
– еициз рҟынтә аԥхьа илкашәаз; даҽакала Аԥхьаира

Первенец (у двойни)

👶🏻 Аԥсны ахылҵ дзауз аҭаацәарақәа аҳәынҭқарра аҟынтә ирзыршәо аԥара иацлеит: аҩбатәи ахәыҷы ииразы – 50 нызқь мааҭ, ахԥатәи ииразы – 100 нызқь мааҭ, аԥшьбатәи инаиркны иацло изы – 200 нызқь мааҭ.

#ажәа_бзиоуп

🧡 Ахьыуардын шәақәтәа
Please open Telegram to view this post
VIEW IN TELEGRAM
👍13
Ахәышҭаараҿы иӡу амгьал🥧

Ҳаамҭазы иҭыху сахьақәоуп, Гәаланӡиаа рҭаацәараҿы Жәбаран ныҳәара анымҩаԥыргоз. Ижәбоит ахәажә абӷьы еивҵаԥсаны амажәа шақәырҵаз, нас иаралагьы ишхырҟьаз.

Аԥсуаа еиуеиԥшым амгьалқәа рыӡраан ахәажә адагьы рхы иадырхәон ашыра зычҳауаз егьырҭ аҵлабыӷьқәеи аҵиаақәеи: алаҳабӷьы, албӷьы, ауадаабӷьы. Аха амгьал ақьабз иазкызар, ахәажәи ауадаабӷьи ракәын иркуаз – абас анылҵахьан афольклорист Цира Габниа Џьырхәа ақыҭан 1982 шықәсазы дзыҿцәажәоз аинформант лҟынтә.

📖Ауада́баа, ауада́абӷьы – крестовик плосколистный (ашьхахь изызҳауа ҵиаа хәшәуп)

🧡 Ахьыуардын шәақәтәа
Please open Telegram to view this post
VIEW IN TELEGRAM
Please open Telegram to view this post
VIEW IN TELEGRAM
👍104
👥 Асинонимқәа

• Ацыӷҳара
• Ацыӷшәара
• Ацыӷкра
• Аԥсҭашәара
• Абнашәара
• Абназара
• Абнаныҟәцара
• Аныҟәара

Абарҭ атерминқәа зегь зызку аԥсуаа ирылаҵәаны иҟаз аӡынтәи шәарыцара хкын (охота на пушных зверей – куниц).

Ирацәоуп ацыӷкыгақәа рыхьӡқәагьы: арыԥҟьа, ашьҭаҳа, ақәҳа, абжьындаҳа, амаҭәахшьа // амаҭәа кнаҳа, ашыш, аиқәаҳа, арагәа, арысаҟә, ақыдра, аҟыра, амара.

Ахыҵхырҭа: Цира Габниа «Амифи аритуали»

Асахьа © Sputnik


#асинонимқәа

🧡 Ахьыуардын шәақәтәа
Please open Telegram to view this post
VIEW IN TELEGRAM
👍142😍2
This media is not supported in your browser
VIEW IN TELEGRAM
Ишԥаласу ахәылбыҽхатәи аҳауа…
Ахаҳә ҟәараҿы амца еиқәылеит ахала.
Инӡаало амра зызхьаԥшуа закәи?
Наҟ-ааҟ ибылуеит амҿ ҩақәеи сара сгәи…
 
Аӡҭалара-хиаалара иаҳәоит сцәа-сжьы,
Цәқәырԥароуп сызтәу шьҭа, сгьежьы-сымгьежьы…
Амшын агәынхашьа збахьоу – дацәшәаӡом,
Амшын агәаԥхашьа збахьоу – дзацәцаӡом…

©
#алирика

🧡 Ахьыуардын шәақәтәа
Please open Telegram to view this post
VIEW IN TELEGRAM
👍15🔥3
УԤСАДГЬЫЛ УԤСЫ АДКЫЛ

Борис Амҷба иажәеинраалоу иафоризмқәа:


🟠 Аԥсадгьыл малуп, абзиабара уалуп.

🟠 Зыԥсадгьыл цқьа згәы ахым, иан дзыхшазгьы диҭахым.

🟠 Зыԥсадгьыл акы аҵзымԥаауа иоуп ауаагьы иахырымбаауа.

🟠 Иуҭииргьы ухатәы дгьыл, уаламхәаахәҭын уԥсадгьыл.

🟠 Уԥсадгьыл уананым, атәымдгьыл – џьаҳаным.

🟠 Зыԥсадгьыл абираҟ иаҵагыло иоуп аибашьраҿгьы аӷа иҿагыло.

🟠 Аԥсадгьыл – гароуп, ахьӡ аургароуп.

🟠 Уԥсадгьыл уалаҽырба, аха аԥхьа бзиа иба.

🟠 Ар зегьы рхы анҭахо, аӡәы иоуп урҭ еиқәзырхо.

🟠 Аҵысгьы аҭра – иара аҳҭынра.

🟠 Уԥсадгьыл ианаҭахха уиҿагыл аӷа хаха.

🟠 Аҟармаҵыс ҭоукыр аихац, ашәа заҳәашам ишаҳәац.

🧡 Ахьыуардын шәақәтәа
Please open Telegram to view this post
VIEW IN TELEGRAM
👍183
Аханатә иҟан Аҟәа. Ахьӡгьы, аҭыԥгьы. Аханқәа гыламызт, аха ауаа нхон. Аԥсуаа ажәытәӡа ҳазхылҵыз ҳабдуцәа рабдуцәа. Аскифцәа раԥхьагьы аихаршы зкхьаз, аџыр арҭәашьеи аӡрыжәшьеи зҵахьаз аҭыԥантәи ауааԥсыра.

Инықәырԥшны 2600 шықәса раԥхьа мшынла арахь иааӡеит ажәытә бырзен ныҟәацәа, ашьапгьы ркит ақалақь Диоскуриада. Ахьтәы уасцәа иашьҭаланы Колхида иаахьаз аишьцәа Диоскураа рыхьӡала. Урҭ ркульт акырӡа иӷәӷәан усҟан Милет. Амиф ишаҳәо ала, рныҟәараан аӷбақәа ԥыҭк еицын, аха иҿықәгылаз дара зықәтәаз "Арго" заҵәык ауп. (Арго – аԥсуа ажәа а́рга (плавсредство) иаҿирԥшуан абызшәадырҩы Валери Кәарҷиа).

Абас, еибашьрада абырзенцәеи агениохцәеи акыраамҭа еиванхон, еиҿцаауан, ихәаахәҭуан, иҿион, аԥара рчаԥон, аӷбақәа дыргылон. Аҩыратә хыҵхырҭақәа шаҳаҭуп Аҟәа усҟантәи аамҭақәа рзы 70 инаркны 300 милаҭ рхаҭанакцәа шеизнагоз.

Хьӡи-ԥшеи аманы Диоскуриада ҳашықәсԥхьаӡара иҭалеит. Дук хара имгакәа аҭоурых адаҟьа ҿыцгьы аатит: аурымқәа раамҭа, аурым ҳәынҭқар Октавиан Август-Себастос ихьӡ иахаршалаз – Себастополис.

Цхәым ахьӡ цәырҵуеит абжьарашәышықәсазы, ахыҵхырҭақәа рҟны — XI ашәышықәса инакрны. 1331 шықәсазтәи хсаалак аҿы иарбоуп "Sakhum" ҳәа, абраҟа ухаҿы иааиуеит аԥсуаа рҿы ахархәара змаз ахаҵа хьӡы Саӷәым. Иара убас Гәыма иуԥыло аҭыԥхьыӡқәа Лықым, Лыцәым; ақыҭа Уақәым уҳәа рынҵәамҭақәа реиԥшзаара. Ажәакала, иҟалоит, ҳаҳҭнықалақь Аҟәа-Сухум ҳәа иахьа иаху аҩ-хьӡыкгьы аԥсышәазар.

Ишәҭыкакаҷлааит! 🌊🌇

🧡 Ахьыуардын шәақәтәа
Please open Telegram to view this post
VIEW IN TELEGRAM
👍193🔥2🤯1
Ахьыуардын
Аханатә иҟан Аҟәа. Ахьӡгьы, аҭыԥгьы. Аханқәа гыламызт, аха ауаа нхон. Аԥсуаа ажәытәӡа ҳазхылҵыз ҳабдуцәа рабдуцәа. Аскифцәа раԥхьагьы аихаршы зкхьаз, аџыр арҭәашьеи аӡрыжәшьеи зҵахьаз аҭыԥантәи ауааԥсыра. Инықәырԥшны 2600 шықәса раԥхьа мшынла арахь иааӡеит…
Аишьцәа Диоскураа амши аҵхи, аиреи аԥсреи, аибашьреи аҭынчреи реиԥш иҟоу еиҿагыло аилкаарақәа ирсимволуп, дара аазырԥшуа дыргақәоуп ҩ-еҵәак: шарԥыеҵәеи хәылԥыеҵәеи. Ҩ-еҵәак зхагылоу Диоскураа рхылаԥақәа роуп асахьаҿы ижәбо Аҟәа агерб иану.

Аԥсны аҭоурых арҵага шәҟәы еиқәзыршәаз ҳҵарауаа (Бӷажәба, Лакәаба) игәарҭеит аԥсуа мифологиаҿгьы еициз аишьцәа рмотив шыҟоу, насгьы иара шжәытәӡоу. Аха зегь реиҳа иџьашьатәу дара аишьцәа рыхьӡқәа роуп: Шарԥыеҵәеи Хәылԥыеҵәеи!

Арҭгьы еиҳа зыхәҭада ҳәа аимакқәа рыман, ран еиллыргаанӡа: ианаашо зыҩны идәылҵуа ауаа инрыжьыз зегьы Шарԥыеҵәа иутәызааит, ианаахәло рыҩныҟа бзиарас иаарго зегьы Хәылԥыеҵәа иумазааит лҳәеит.

Аҳәамҭа ажәытәи аҿатәи реиканра анубаалоит. Иҟалап, ахаҵеи аԥҳәыси изҭаху ирыҿцаауа акәымкәа, ҭаацәарак еиԥш рхы ааидкыланы хазы анхара ианалагозтәи зааӡатәи аамҭақәа ирхылҿиаазар.

Диоскураа аишьцәа амшын ныҟәацәа ирхылаԥшхәуп ҳәа иԥхьаӡан, уигьы иаҳәоит аеҵәақәа рсимвол ацәырҵра шмашәырым, аӷбаныҟәареи ажәҩан аатреи еснагь еицын.

🧡 Ахьыуардын шәақәтәа
Please open Telegram to view this post
VIEW IN TELEGRAM
👍175🔥2
Ахьыуардын
Ацҳа иацәаашьаз даҵнагеит рҳәоит аԥсуаа. Ус еиԥш ахҭысқәа ҟалозаарын, ҳаамҭазы ари ажәаԥҟа еиҭарсу аҵакы шьҭнаххьеит. Ацҳахҵара аԥсуа культура иахәҭакуп. Уи апрактикатә хәарҭара иацыз адагьы, аԥсуа хаҵа иуалԥшьақәа ируаку, Џьанаҭ инеира иацхраауа акакәны…
Ақәаршҩы шәпа иахьа икыдхаҽа илеиз, махәи-бӷьыци ирхьыҵәҵәа, ԥырхага дук шәнамҭазааит абааԥсы. Адгьыл аӡы ажәит азхара, иазымжәыз хәыҷы-хәыҷла ихбалалап. Аԥсабара амч ауаҩы дзахыԥаӡом, данышәалар акәхоит.

Ари ацҳа иху руа иарбан, шәгәанала? Ҳара ҳҿоуп иахьыҟоу, Тҟәарчал араион, Аҟармара аҳаблан.

🧡 Ахьыуардын шәақәтәа
Please open Telegram to view this post
VIEW IN TELEGRAM
👍16
Media is too big
VIEW IN TELEGRAM
Ахаҳәқәа, дара ҿырҭуам, аха аӡы дырцәажәоит. Аӡиасқәа – еснагь амшын ахь иццакуа.

Аԥсны аҵакырадгьыл шырацәамгьы, ҳаӡқәа ԥсҭаҵаганы Амшын Еиқәа иалалоит – есышықәса 14 км³ рҟынӡа аӡымшьа цқьа. Ауааԥсыра иаҳуалу абри аекологиатә система ахьчароуп, уаԥырхагахар шәарҭоуп – иужәлоит. Аӡышьҭрақәа рыҟьашьра шамуа еиԥш, абӷанҷи аҳархьи инамыцхәны рыҭгара ҟалаӡом, аӡымҩа уаԥыҩлар ауӡом.

Абри атема инарҭбааны даҳзалацәажәон аеколог Роман Дбар. Ииҳәаз шәаԥхьарц шәылшоит абра>>
👍12
Ҳпоетцәа аӡәырҩы рбызшәа ажәарқәа ҳәа хаз-хазы еиқәуршәаратәы иҟоуп, ҭынч уи мацара иаҿу ауаа еидгаланы. Иаҳнаҭо рацәахон. Иаагозар Омар Беигәаа, Мушьни Миқаиа, Рушьбеи Смыр ражәеинраалақәа уанрыԥхьо, дара рҿада уаҳа ҽаџьара иуԥымло ажәақәа убоит. Ажәаргьы ианӡам, аха аконтекст ала еилукаауеит.

Иаҳҳәап, Беигәаа имоуп абри аҩыза ажәа "сыхәлакы-лашьцакын" ҳәа (помрачнеть), "аибаи́ура" иҳәоит аибабара азы (увидеться, букв.: "обрести друг друга").

Уажәы шәахәаԥш Рушьбеи Смыр иҟынтә куплетк:

"Анкьаӡа инкарҟьон аҩы иаҵахоз ахқәа,
Уажә иаҵышьшь иржәуеит афаҷыхә иарганы.
Ацыхаӡқәа рҭыԥан ицәырҵыр аӡмахқәа,
Ҳнымҩасыргь алшоит ҳашӡышо ҳӷьызкны".

Ацы́хаӡы – ледяной горный родник;
Ах – винный осадок, винная гуща;
Афаҷы́хә – ажәар ианӡам, аха ҳгәанала, ах шьҭыҵны аҩы ианалалак иахьӡу ауп: "винный камень", "тартраты"

Ишәаҳахьазма ари ажәа?

🧡 Ахьыуардын шәақәтәа
Please open Telegram to view this post
VIEW IN TELEGRAM
👍10🔥42
Гәдоуҭа иҩахыкны ацәаҟәа кыдлеит, амш аилгарахь ахы архозар акәхап. Избаз шәыҟоума? Аз-ҵыхәак амшын ихгыланы "аӡы ажәуан"🌈
Please open Telegram to view this post
VIEW IN TELEGRAM
Please open Telegram to view this post
VIEW IN TELEGRAM
👍15😍5🔥3
Ахьыуардын
Ҳпоетцәа аӡәырҩы рбызшәа ажәарқәа ҳәа хаз-хазы еиқәуршәаратәы иҟоуп, ҭынч уи мацара иаҿу ауаа еидгаланы. Иаҳнаҭо рацәахон. Иаагозар Омар Беигәаа, Мушьни Миқаиа, Рушьбеи Смыр ражәеинраалақәа уанрыԥхьо, дара рҿада уаҳа ҽаџьара иуԥымло ажәақәа убоит. Ажәаргьы…
Ишдыру еиԥш, аҩы ауалыр, ма аҳаԥшьа ианҭоуҭәалак, ҩынтә ишуеит: зны ҭагалан, нас аԥхын аламҭалазгьы. Уажәааны изахьеит.

Аҩы зыршуа ах ауп. Ҩынтә ишны еиқәтәаз аҩы агьама еиҭанакуеит аҟынтә, ах шьҭыҵуа иалагаанӡа шьоукы еихыртоит (переливка), аха уи арыжәтә аџьбарара агоит. Агьамагьы аџьбарарагьы реиқәырхара иашьҭоу абри аҩыза "алаифхак" рдыруеит: арасаҵәы аанкыланы ауалыр аҵан арӷыз еихыршьқәа алдатәуп.

Аҳаԥшьа ҩы аҭаҭәараан, а́ца ацәа хзыршәлогьы ыҟоуп, уи иарҵәыҵәуам, агьама ҿышаны иҟанаҵоит (придает своеобразную терпкость).

🔸 Ах аҿы днеины дыҟоуп – он устал, обессилел; обнищал.
🔸Ах ижəызшəоуп дышцəажəо – он говорит сумбурно, несвязно.

🧡 Ахьыуардын шәақәтәа
Please open Telegram to view this post
VIEW IN TELEGRAM
👍8🔥5
Шьхацани шьхалбаани рыбжьара иҟоу аамҭа ахьӡ амоуп: Шьхабжаҳәы́н. Шьха-бжа-ҳәы-н – самый разгар выпаса в горах.

Шьхаца́н даҽакала Шьхы́лан ауп (ашьхылара аҟынтә), Шьхалбаан даҽакала – Шьхы́ҵын (ашьхыҵра аҟынтә), мамзаргьы Рахәе́илцан.

Абарҭ ах-аамҭак ирықәыршәаны Ашьха ныҳәара мҩаԥыргон аԥсуаа. Ахынтәгьы ашьтәа шьны. Шьхацан – ҳарманшәал ҳәа агәаҵәа ркуан, Шьхабжаҳәын – гыгшәыг ҳадумгалан ҳәа, Шьхыҵын – ҳахьурманшәалаз, машәырда ҳахьурчаз ҳәа.

📖
А́шьхацәҳәыра – альпы, альпийские луга
А́шьхацәҳәыра ҳәы́рҭақәа – альпийские пастбища

🔸 Шьханыҟәа дыҟамкәа Шьханыҳәа ҟарҵон (Ажәаԥҟа).

🧡 Ахьыуардын шәақәтәа
Please open Telegram to view this post
VIEW IN TELEGRAM
👍95👏2
Ақәа аадыруеит, ақәаршҩы аадыруеит. Иҟоуп даҽа ажәакгьы – ақәе́и. Абзыԥқәа ирҳәоит, асаӡқәа ирҳәон, Ԥсҳәынтә нхыҵҟа ихҵәаз ашьхарыуаа ирҿоуп.

Азныказы, диалекттә вариантуп угәахәуеит. Аха иҟоуп даҽакала ихәыцуа аҵарауаагьы. Убас, абызшәадырҩы Раиса Гәыблиа лгәаанагарала, ари еилоу ажәоуп, иагьышьақәгылеит абас: ақәа + ауе́иа "буря", "шторм". Ажәа уайа адыга бызшәақәа рҿгьы иуԥылоит амшцәгьа бааԥс аҵакы аманы.

Ауеиа (проливной дождь) иеиԥшуп ажәа ауе́имада (горькие обильные слезы), иҟалап еигәыцхәызар.

📚 Абри шԥеиԥшу аиаҭым хәыҷ иҵәыуара ауеимада (Б. Шьынқәба). Шьасиа ауеимада ҳәа инеималҭәеит (А. Гогәуа)

Ҳамш макьанагьы ихәар-чаруеит, уаҳа иханамырҟьандаз.

🧡 Ахьыуардын шәақәтәа
Please open Telegram to view this post
VIEW IN TELEGRAM
👍123
Аҩнатә ԥсаатәқәа ирызку алафқәа ирыцҵауа:

Хаптина хы-шықәса зхыҵуа шәишәи рбаӷьк лыман. "Абри аныс" узҳәомызт уи ашәишәи. Иара зықәнагоз асас иҟынгьы заҟараан аџьал иахлырԥахьази. Лыԥшәмагь ларгьы уи шаҟараан еимаркхьази, аха илуамызт.
Хаптина лырбаӷь есышықәса, уаҵәы
мшаԥызар иахьеиԥш, аџьырмыкьахь илгон. Аахәацәа 30 мааҭ лырҭон, аха лара ахә 35 мааҭ деиҵахомызт. Иара акәзар, џыԥс-гәырр ҳәа иниас-ааиасуан, ишыҽырбоз икараханы уаҳа аламкәа аҩныҟа иаалгон.
Ҽнак зны ашьыбжьон акәытқәа ааибарҟарҟарт. Хаптина уахь дындәылҟьеит. Абга аҵыхәа ашьҭарҽ лшәишәи хәырббуа, ирҳәазо иаманы илеиуан.
– Ҳаи абааԥс, уԥаҵа баша иуҿоума, ҳшәишәи абга иахьага умбаӡои?! – ҳәа лхаҵа акрыфара иаҿыз дизыҵҟьеит.
– Шаҟа ҳәа иагеи, бара, 35 бнаҭазар акәхап? – иҳәеит лхаҵа.

Ахыҵхырҭа: Жьужьа Ақаҩба "Алаҳәақәеи акаԥкаԥи"

#аԥсуа_лафқәа

🧡 Ахьыуардын шәақәтәа
Please open Telegram to view this post
VIEW IN TELEGRAM
👍11😁4😢3
Аԥсшәа аԥсы ҭоуп, аҩызцәа! Ашәҟәаҿы ҳзыԥхьаз акәым, ус баша ауаа рцәажәараҿы иахьа (ҽнакала) иҳаҳаз ажәеицааирақәа шаҟа иссиру шәахәаԥш:

рыбзоурақәа еиқәыршәаны (объединив свои лучшие качества, заслуги❗️)

ибӷа ҭарԥсаҟьаны (выгнув спину)

дсаушәыжь (предоставьте его мне)

Абас абызшәа здыруа иаҳҳәалар ада аҭахӡам, иаҳҳәалароуп, иара ҳахьчоит.

P. S.: Зҟынтә иҳаҳаз ахҩыкгьы зуаҩыбжара иҭагылоу қыҭауаауп.

🧡 Ахьыуардын шәақәтәа
Please open Telegram to view this post
VIEW IN TELEGRAM
19👍5🔥4
🧩 Ажәахырҿиаара

Аԥшқарах, акашәарах, ацынҵәарах, алыԥшаах – еицырзеиԥшу ирымоузеи? Ахьыӡҟақәеи аҟазшьарбақәеи ҳазҭо асуффикс . Арҭ ажәақәа шышьақәгылаз иаразнак игәоуҭоит, аха иҟоуп еилаӷьахьоу, еиҳагьы аинтерес зҵоу аҿырԥштәқәа, иаҳҳәап:

• А́шәарах – дикие звери;

• Ахымкы́х – безупречный;

• Агәлымҵәа́х – незабвенный;

• Ахлымӡа́ах – нечто ужасное;

• Арҭәара́х – сплав;

• Аҿыцбара́х – новинка;

• Аҳәанҳәа́х – узнанное понаслышке,

Ҟырҟылба́ах – съеденное наспех.

Шәаргьы иацышәҵа 👇

#ажәахырҿиаара

🧡 Ахьыуардын шәақәтәа
Please open Telegram to view this post
VIEW IN TELEGRAM
👍103🙏3
Шәааи ҳахәмарып: иацу зҳәода?

Ага – ашьха
Арха – аҿаҩа
Аҳаԥы – аҳаҩа
Акаршәра – акаӡӷыра

Ацуфарақәа:

🟠 Ӷәыр-ӷәыр – ԥацәа каԥса.
(алу)

🟠 Шьапызаҵә, мгәаду. (аԥҳәаҟәа)

🟠 Ауаҩ кьаҿ – гәашәхьча. (ацаԥха)

🧡 Ахьыуардын шәақәтәа
Please open Telegram to view this post
VIEW IN TELEGRAM
👍134👏2