Ахьыуардын
1.26K subscribers
1.38K photos
220 videos
1.66K links
Ахьыуардын — аԥсуа бызшәеи, аҭоурыхи, акультуреи ирызку апроект ҷыда. Напбзиа-шьапбзиа ахьыуардын дақәтәоуп. Шәҳацла: ахьы хәыҷуп, аха шәкы ицоит, аӡә дышәҩыкны дҳаԥхьаӡоит.
Download Telegram
Ахьыуардын
Аԥсара – раԥхьаӡатәи аԥсуаа раҳҭны Аԥсаратәи абаашқәа III-IV ашәышықәсақәа рзы иргылан. "Анаҟәаԥиа" ахыҵхырҭақәа рҿы иуԥылоит аҳра анеиҿкааха аамҭақәа инадыркны (VII-VIII ашә.). "Аԥсны" уԥылоит – V ашәышықәса инаркны. 🧡 Ахьыуардын шәақәтәа
Аԥсара ашьха – жәытәӡатәи ныхатәарҭоуп.

Аныха (алԥха ҳамазааит) ажәа ишьҭнахуа аҵакқәа зегьы (святилище; храм; икона) абри аҭыԥан уамашәа иубаратәы еиларсуп. Араҟа ҩ-қьырсиан уахәамак ыҟоуп: руакы – абаа аҩнуҵҟа, егьи ашьҭамҭақәа нхеит абаагәара аҩбатәи ацәаҳәа аҩадахьала. Аҩбагьы аамҭала VII ашәышықәса иаҵанакуеит, Аԥсны реиҳа ижәытәӡақәоу иреиуоуп. Абри аҩбатәи ахьдыргылаз акәын аԥсуаа ажәытәӡатәи рныха ҳәа лыҩуеит Аԥсны аухәамақәа ҭызҵаауаз Наталиа Милованова.

Ауахәама ахьӡ-аԥша дуӡӡа аман. Изларҳәо ала, абраҟа акыр шәышықәса инеиԥынкыланы ауаа ирыхәон инапылаҟаҵарам Анан лныха (нерукотворная икона Божьей матери), уи аџьашьахәқәа рацәаӡаны иадыркылон.

Издыруада, арантә узқәыԥшуа Анхәа́ ақыҭа ԥшӡа ахьӡгьы Анан-Ахьаҳкәажә илхаршалазар?

🧡 Ахьыуардын шәақәтәа
Please open Telegram to view this post
VIEW IN TELEGRAM
👍15
This media is not supported in your browser
VIEW IN TELEGRAM
Усҟан, жәҩанахьтә ахьхьа-хьхьаҳәа ахьтәы даҷқәа урныргыл,
Анцәа ду уаҳзылбааишьҭит уара, ҳгәашьамх, ҳ-Абрыскьыл.
Дышҳаҭәеишьаз зны Леон ду, нас иаҳзымхьчаз Қьалышьбеи,
Дышҳаҭәеишьаз Алакәаба – сыжәлар ргәыӷрақәеи ргәырҩеи...

Ахҿа ацәҟьараҿ инаӡазар, баша иҭымҟьаӡеит, еиқәхоит,
Ҳара ҳныхақәа зықәныҳәаз, иара ҳныхеиԥш дҳаракхоит.
Рушьбеи Смыр "Аԥыза"

Аԥсны раԥхьатәи ахада, Аԥсны Афырхаҵа, апрофессор, "Ахьӡ-Аԥша" аорден I аҩаӡара занашьоу Владислав Арӡынба диит 78 шықәса раԥхьа Ешыра.

🧡 Ахьыуардын шәақәтәа
Please open Telegram to view this post
VIEW IN TELEGRAM
18👍2
Ахьыуардын
Усҟан, жәҩанахьтә ахьхьа-хьхьаҳәа ахьтәы даҷқәа урныргыл, Анцәа ду уаҳзылбааишьҭит уара, ҳгәашьамх, ҳ-Абрыскьыл. Дышҳаҭәеишьаз зны Леон ду, нас иаҳзымхьчаз Қьалышьбеи, Дышҳаҭәеишьаз Алакәаба – сыжәлар ргәыӷрақәеи ргәырҩеи... Ахҿа ацәҟьараҿ инаӡазар, баша…
Владислав Арӡынба, Ԥшькьаҿ-иԥа Манча, Аџыр-иԥа Данаҟаи – абарҭ афырхацәа зегьы ажәытәӡатәи шьҭрак иатәуп Аӡынаа (Аӡымаа), дара ирашьцәоуп Акәачаа, Кәаӡбақәа. Ашьха агәашьамх змаз мдаҩеиаан, ҭоурыхла Аҳҷыԥсы, Ԥсҳәы, Аибӷа инхон, Дал-Ҵабалгьы. Ара еиқәаҳаԥхьаӡаз рыдагьы ажәлар зыхьӡ еиҭарҳәо ахацәа рацәаҩны ирылиааит абиԥарацыԥхьаӡа.

Арӡынаа, Џыраа, Кәаӡаа рыжәла злоу аҭыԥхьыӡқәа жәабала иуԥылоит шьхатәыла Мӡымҭа аӡиас инаркны, иара убас ақыҭақәа Ешыра, Дәрыԥшь. Ҵабал ажәытәан Ӡы́на ҳәа ақыҭа ыҟан. Ԥсҳәы абаа зыргылазгьы Аӡымбоуп рҳәоит, "Џыраа рбаа". Ԥсҳәы инхоз Арӡынаа Инал-ҟәыба иаҿгаз ахьирақәа рыман. Амҳаџьыррақәа анҵысы Ҭырқәтәылаҟа ахҵәара рықәымшәарц ԥсҳәытәи Аӡынаа 10-15 ҭаацәара шҳәыԥкыз Нхыҵҟа ицеит. Ашәуаа рҿы иаҳԥыло ажәла "Жировы" – Џыр-иԥацәа роуп; Азимба, Адзин, Козба – еиҭагарада еилкаауп.

🧡 Ахьыуардын шәақәтәа
Please open Telegram to view this post
VIEW IN TELEGRAM
👍16🙏42
This media is not supported in your browser
VIEW IN TELEGRAM
Владислав Арӡынба иуасиаҭ ажәа даԥхьоит Сергеи Дбар ихьӡ зху Гәдоуҭатәи аҳәынҭқарратә музеи адиректор Гәыгәыца Џьыкырԥҳа.

Гәдоуҭа акультура ахан аҟны иахьа имҩаԥыргеит Аԥсны раԥхьатәи ахада игәалашәара ахәылԥаз.

🧡 Ахьыуардын шәақәтәа
Please open Telegram to view this post
VIEW IN TELEGRAM
10👍6
Ахьыуардын
🧩Ажәахырҿиаара А́қәра (возраст) Аԥсуаа рҿы ауаҩықәра ҳәа изышьҭоу шәышықәса инаӡоит. Чмазарала умгәамҵкәа уаанӡа иузнагар, ма уеиҳахар Анцәа дузылԥхеит, уԥааимбаруп, иҿаԥхьа хара умам ҳәа аанагон. Адунеи уаароуп, ахраҭ наӡоуп. Ақәра ажәа ахаҭа "адунеи…
Амчыбжь ҿыц зеиӷьашьарала ҳалагап. Аԥсуақәра нышәҵааит иҳаԥхьо зегьы!

"Аԥсуақәра", мамзаргьы "ауаҩықәра" шәышықәса иреиҵамкәа ҳәа аанагоит. Уаанӡа изнеиз хә-етапк дырхысуеит, зегьы ахьӡқәа рымоуп, аха ара ианаҳҵаанӡа иааркьаҿны хҳәаақәак:

Ауаҩыбжара ззырҳәо 50 шықәса роуп. Абыргхара 60 рынахыс иалагоит, аҭаҳмадара 80 рынахыс. Абыргхареи ажәреи, ишыжәдыруа еиԥш, акакәӡам. "Абырг" (мудрый) ҳәа зарҳәо акыр збахьоу, ҳаҭыргьы зқәу иоуп.

"Аҭакәажә" ажәа атәамбаратә ҟазшьа амоуп иахьа, аха аханатә ус иҟамзар ауан, ашьагәыҭ -ҭа, "аҭыԥ", "аҭаацәара" аҟынтә иаауазар, асуффикс -кәажә аԥҳәысра аанарԥшуеит: аҭа-кәажә (убеленная сединой семейная женщина), аҳкәажә (царица). "Алыг" ажәагьы аԥхьа "муж" аанагон, ишнеиуаз аҭәамшьаратә ҵакы шьҭнахит "алыгажә". Иҟалап, "аҭаҳмада" иаваҟәыло аԥҳәыс бырг даазырԥшуаз аҳаҭыр ажәа ыӡзаргьы.

Аԥсуаа рҿы ахәыҷқәа хәышықәса анырхыҵлак нахыс аӡӷабра-аҷкәынра иазкны, хаз-хазы рааӡара иалагон, уаанӡа џьарак еицын. "Ажы́цә" – подросток; "ахбы́џ" – крепкий упитанный подросток, "ахы́цә" – худенький подросток. Аҿара аамҭа ԥсыуала 40 рҟынӡа инаӡоит, насоуп ахатәрара, ауаҩыбжара, ауаҩра.

🧡 Ахьыуардын шәақәтәа
Please open Telegram to view this post
VIEW IN TELEGRAM
👍75😁2
Ахьыуардын
Амчыбжь ҿыц зеиӷьашьарала ҳалагап. Аԥсуақәра нышәҵааит иҳаԥхьо зегьы! "Аԥсуақәра", мамзаргьы "ауаҩықәра" шәышықәса иреиҵамкәа ҳәа аанагоит. Уаанӡа изнеиз хә-етапк дырхысуеит, зегьы ахьӡқәа рымоуп, аха ара ианаҳҵаанӡа иааркьаҿны хҳәаақәак: Ауаҩыбжара ззырҳәо…
Аԥсуа инысымҩа

👶🏻
0-1
– аӡҟы, асаби
1-3 – ахәыҷыԥшқа, аҿыцныҟәа, агаранҵа
3-5 – ахәыҷы

👦🏼🧒🏻
5-10
– аҷкәын хәыҷы; аӡӷаб хәыҷы
10-15 – аҷкәын ҟата; аӡӷаб ҟата; ажыцә, ахбыџ
16-20 – аҷкәын қәыԥш, арԥыс; аӡӷаб қәыԥш, аҭыԥҳа

👨🏼👩🏻
20-25 – арԥызба; аԥҳәызба
25-30 – арԥызба / аҷкәын наӡа; аԥҳәызба / аӡӷаб наӡа
30-35 – аҷкәын хатәра, арԥызба ӷәӷәа; аӡӷаб хатәра, аԥҳәызба
35-40 – зарԥызбара / зыҷкәынра инҭысуа; зыԥҳәызбара / зыӡӷабра инҭысуа

👨🏼‍🦱👩🏻‍🦱
40-45 – ахаҵа иқәра инҭагылаз; аԥҳәыс лықәра инҭагылаз, аԥҳәыс ҿа
50зыуаҩыбжара иҭагылоу ахаҵа ӷәӷәа; аԥҳәыс наӡа
55 – зыуаҩыбжара инахысыз ахаҵа; зыуаҩыбжара инахысыз аԥҳәыс
55-60 – зыуаҩрахь инеиуа ахаҵа; зыуаҩрахь инеиуа аԥҳәыс

👨🏻‍🦳🧑🏻‍🦳
60-65 – ахаҵа-бырг; аԥҳәыс-бырг
65-70 – зажәрахь инеиуа ахаҵа; зажәра иазааигәахо аԥҳәыс
70-75 – зажәра иҭагылоу ахаҵа; зажәра иҭагылоу аԥҳәыс
75-80 – ауаажә-бзиа

👴🏻👵🏻
80-85 – аҭаҳмада-бзиа; аҭакәажә-бзиа
85-90 – аҭаҳмадаҵәҟьа
90-95 – аҭаҳмада ӷәӷәа
95-100 – аҭаҳмада наӡа
100+ забра иқәу, ақәраду нызҵыз, зықәра зфаз

Ахыҵхырҭақәа: Валери Бигәаа "Аԥсуаа рыбзазашьеи иахьатәи амши", апрофессор Џьульетта Адлеиԥҳа (ахҳәаақәа рҿы)

🧡 Ахьыуардын шәақәтәа
Please open Telegram to view this post
VIEW IN TELEGRAM
👍96
Ԥсуаҵасла ахәыҷы иааӡара принцип хадас иамоуп ухылҵ уара уаасҭагьы деиӷьхартә аныҟәара, "дуаҩхандаз" – бзиарас иааҟоу зегь аланагӡоит, еиҳау ыҟам. Ари аҩыза азнеишьа ҳшьа иалоуп, ҳбызшәагьы иалоуп. Аԥеи аԥҳаи рзеиԥш ҵакы "ԥхьаҟа изго" ауп.

Аԥа́ – сын "продолжающий род";
Аԥҳа́ – дочь "размножающая род" (ажьы зҳауа).

🧡 Ахьыуардын шәақәтәа
Please open Telegram to view this post
VIEW IN TELEGRAM
👍162
This media is not supported in your browser
VIEW IN TELEGRAM
☑️ Аԥсны – Арӡынба – Ахақәиҭра

Аҟәа иаатит Аԥсны раԥхьатәи ахада игәалашәара иазку ацәыргақәҵа.

Аиҿкааҩцәа – ауаажәларратә усзуҩ Гәыгәыца Џьыкырԥҳа, Аԥсны Жәлар рартист Кьасоу Ҳагба, аҭоурыхҭҵааҩ Аслан Аҩӡба ицәырыргеит шәкы инареиҳаны иҿыцу, ауаа ирымбац Арӡынба ипатреҭқәа, иара убас "Аԥсны. Арӡынба. Ахақәиҭра" ҳәа хьӡыс изырҭаз ашәҟәы. Уи иагәылалеит аԥыза изку астатиақәа аԥсышәалеи урысшәалеи.

Ацәыргақәҵа хәымш иҟоуп. Асахьақәа реидкылара шцоз, насгьы ицхрааз ауаа рыӡбахә шәаҳар шәылшоит абра»

🧡 Ахьыуардын шәақәтәа
Please open Telegram to view this post
VIEW IN TELEGRAM
🙏133👍3
Са саԥсуоуп, са салмасуп,
Сара сақәтәоуп саб иҽыз,
Апҟаҩҳәа снеиуеит, са сымҩасҩым,
Уаҟа агәашәаҿ бысзыԥшыз.

Иналукааша аԥсуа поет, апрозаик, адраматург, "Ахьӡ-Аԥша" аорден III аҩаӡара занашьоу Гьаргь Гәыблиа диижьҭеи 95 шықәса ҵит. ХХ ашәышықәса аиҩшамҭазы аԥсуа сахьаркыратә литература иааҵагылаз, ажанрқәа зегьы рҟны илагала ҟаиҵеит. Ажәеинраала ҟаимаҭқәа рынахыс авторс дрымоуп ароманқәа "Лахьынҵала иузшоу", "Адгьыл аҳақ", "Аҵыхәтәантәи ахысыбжь", хыԥхьаӡара рацәала аповестқәа, апоемақәа, апиесақәа.

Дҵарауаҩын, Дырмит Гәлиа ирҿиара инҭырҳәцааны дахцәажәеит, аԥсуа литература ахрестоматиа еиқәиршәеит. Дыпрофессорын, шықәсырацәала афилологцәа аԥсуа литература аҭоурых дырзаԥхьон, адырра анахысгьы акыр уазҳәашаз игәалашәарақәа рыцеиҩшо. Еиқәиршәеит Нестор Лакәаба изку ашәҟә ду. Исахьаркыратә ҩымҭақәа хә-томкны иҭыжьуп.

Гьаргь Константин-иԥа изку Анатоли Лагәлаа иочерк шәаԥхьар шәылшоит абра, апоет, аиҭагаҩ Светлана Ладариа лгәалашәарақәа ыҟоуп абра»

🧡 Ахьыуардын шәақәтәа
Please open Telegram to view this post
VIEW IN TELEGRAM
👍12🙏4
📌 Ажәа бзиоуп

Акәымӷьа́с (
бз. аҟәымӷьа́с) – 1. смелый, боевой, ловкий юноша; 2. надежный мужчина с большим жизненным опытом

Арԥыс ӷьас, акәымӷьас – ак иацәымшәо, еилҟьа-еилӷәыцәӡа иҟоу изы ирҳәоит. Ауаҩы наӡа изкызаргьы ауеит ахаҵараҿы аԥхьа игылоу, аԥышәа змоу, зажәеи зуси еснагь еицу, ажәлар зықәгәыӷуа. Аҩбагь еихылҿиаауп, иҵоуроуп, рышьагәыҭ -ӷьа (семя, самец, стремительность, мужское начало) иҵегь излоу ажәақәа рацәоуп, рыхәҭак ааҳгахьан абра»

Асинонимқәа: аӷье́ҩ, агәы́мшәа, а́ибага

#ажәа_бзиоуп

🧡 Ахьыуардын шәақәтәа
Please open Telegram to view this post
VIEW IN TELEGRAM
👍9🙏2
Аҟәараса́ – горлица (горлинка) даара иԥшӡоу ԥсаатәуп, аҳәыҳә иазааигәоуп, аха уи аасҭа ихәыҷуп, еизыхәхәоуп, аԥыци аҵыхәеи иаҳа иауп. Иҟоуп ахәаԥштәылақәа, иҟоуп аӷраҷкәынқәа. Уажәааны адгьылқәа анхыртуа аҽара ихтәалоит, икәаԥкәаԥуа анхаҩы ишьҭоуп, аха идыршәаӡом, ихәарҭоуп (аҳәира мгыларц ажәла-мыжәла цәгьақәа афоит).

Ҟәараса ҳәа хьӡыс изырҭоз аӡӷаб абри аԥсаатә еиԥш дыԥшӡоуп, дхаауп, дыҟәбаҟәшәо ҳәа аанадыргон. Ҟазшьалагьы аҟәараса дадыркылоит иԥхашьаԥхаҵо, аха еилфаҷа иҟоу, лҳәа уашьуам, луы уашьуам ҳәа ззырҳәо аҭыԥҳа.

Уажәшьҭа ҳбызшәа ссир ҳазхьаԥшып. "Ворковать" ажәа аԥсышәала ҩ-хкыкны иуҳәар ауеит: аҟәы́рра, аҭҳәы́ҳәра. Аҳәыҳәқәа ҭҳәы́ҳәуеит, аҟәараса ҟәырҟәы́руеит🕊 Абызԥҽыга залумхри🙂

#аԥсаатәқәа

🧡 Ахьыуардын шәақәтәа
Please open Telegram to view this post
VIEW IN TELEGRAM
👍15🙏2
This media is not supported in your browser
VIEW IN TELEGRAM
Аԥсуа телехәаԥшра ажурналистцәа иахьа Sputnik Аԥсны иаҭааны иҟан, аԥсуа редакциа аусушьа шеиҿкаау рбон. Ҳколлегацәа дрыҿцәажәеит иахьа иҷаԥшьо аредактор Наала Хьециаԥҳа.

Анҵамҭа ҟалоит уаҵәы ашьыжь "Шьыжьбзиа Аԥсынтәыла" адырраҭараҿы. Ҳазыԥшуп📺

🧡 Ахьыуардын шәақәтәа
Please open Telegram to view this post
VIEW IN TELEGRAM
👏9👍6😍4🙏1
🪷 «Анцәа дызҭамԥшуа кәара лашәк ыҟаӡам».

Ус баша, ажәаԥҟа бзиа.
Агәалаҟаразы, агәыӷразы.

Шьыжьбзиақәа!

🧡 Ахьыуардын шәақәтәа
Please open Telegram to view this post
VIEW IN TELEGRAM
👍163😍1
This media is not supported in your browser
VIEW IN TELEGRAM
"Ԥсышәала сымцәажәозар, арахь саара ҵакыс иамоузеи?!"

Зхьышьҭрахь игьежьыз дыруаӡәкуп забдуцәа Гәыматәыз Шьықәыр Аргәын. Аԥсныҟа нхара дааит 1993 шықәсазы, усҟантәи ауадаҩрақәа дырцәымшәакәа. Иахьа ихы дақәгәырӷьо дыҟоуп, ихшарагьы аҷҷаҳәа аԥсшәа рҳәоит.

Ицәажәараҿ гәыблыла ицәыригоит иара дзааӡоз рыӡбахә, Аԥсны зныкгьы ирымбацкәа, зхәыцра иалымшәо иалаз аиҳабацәа. Мышкызны ҳгьежьуеит ҳәа дара зхьымӡаз ргәыхәтәы наигӡеит, анагӡара иоуааит!

Аиҿцәажәара шеибгоу шәазыӡырҩыр шәылшоит абра»

🧡 Ахьыуардын шәақәтәа
Please open Telegram to view this post
VIEW IN TELEGRAM
👍12🙏6🔥3
Амза ашәахәа ххьа рахәыцуп,
Адгьыл иқәҭәоит насыԥ хьшәашәан.
Уахатәи аҵых ссиршәа ихәыцуп,
Аҵых гароуп ашацәа рашәа...

Ԥшь-еҵәак жәҩангәы рџьаруеит,
Быжь-хьыцәыкәбарк жәҩан иантәалоуп.
Илаша-лашо амза қаруа,
Цгәы шьаҿала жәҩангәы ихалоит.
(Мушьни Миқаиа)

#апоезиа

Быжь-хьыцәыкәбарк ҳәа апоет изиҳәо Жәгараа ракәхап. Аџьар асахьа узҭо ԥшь-еҵәак арбанушь, шәгәы ишԥаанаго?

Асахьа © Томас Тҳаиҵыкә

🧡 Ахьыуардын шәақәтәа
Please open Telegram to view this post
VIEW IN TELEGRAM
👍102🥰2🙏1
Media is too big
VIEW IN TELEGRAM
Ахьӡ-аԥша змоу жәлар рашәаҳәареи рыкәашареи ансамбль "Ерцахә" рҟазара ҳаракы, реихьӡара ҿыцқәа аадырԥшит иаха Аҳәынҭқарратә филармониа асценаҿы.

Ҳакәашарақәа зегь шьаҭас ирымоу афольклор цқьа ахәҭаа аҭаны, иахьатәи аамҭа иацназго ахореографиа ҳаладырԥшит, ашәа рҳәеит. Реилаҳәашьагьы ссирын. Аконцерт ацыԥҵәахақәак – ҳвидео аҟны. Асахьақәа шәрыхәаԥшыр шәылшоит абра>>

Аԥсны Жәлар рартист Кәасҭа Ченьгьелиа еиҿикааз очамчыратәи ансамбль "Ерцахә" ҳаԥхьаҟа 50 шықәса ахыҵуеит. Сахьаркыратә напхгаҩыс дамоуп Жәлар рартист, "Ахьӡ-Аԥша" аорден III аҩаӡара занашьоу Вианор Логәуа.

🧡 Ахьыуардын шәақәтәа
Please open Telegram to view this post
VIEW IN TELEGRAM
👏9
Ахьыуардын
Ахьӡ-аԥша змоу жәлар рашәаҳәареи рыкәашареи ансамбль "Ерцахә" рҟазара ҳаракы, реихьӡара ҿыцқәа аадырԥшит иаха Аҳәынҭқарратә филармониа асценаҿы. Ҳакәашарақәа зегь шьаҭас ирымоу афольклор цқьа ахәҭаа аҭаны, иахьатәи аамҭа иацназго ахореографиа ҳаладырԥшит…
Аураашьа, шәеицыгьежьла!

Аибаркыратә кәашарақәа "Аураашьа", "Шьараҭын" – ажәытәӡатәи асинкретизм зныԥшуа доуҳатә-культуратә ҭынхоуп. Араҟа ажәа, ашәа, аритм, аиҭаҵшьа аки-аки узеицрымхуа еилаӡоуп.

Ишыжәдыруа еиԥш, аԥсуаа рҿы арԥызбеи аԥҳәызбеи анеицыкәашо анаӡарак еихкьыслар ҟалаӡом. Аибаркыраҿ акәзар, аӡӷаб-аҷкәын рнапқәа еибыҭаны еицыкәашоит. Избан? Аҭак аабоит академик Валентин Кәаӷәаниа иусумҭақәа рҿы.

Ҭоурыхла "Аураашьа" нарыгӡон уажәааны, лаҵан. Икараха, уаҳа нарыламкәа рус ианаалгалак, иара уа рнапқәа еибаркны ршьапԥынҵақәа ирықәгыланы иԥон, ари иаанагоз – ажәла илаҳҵаз абас игылааит, иазҳааит ҳәа акәын. Изылшоз аиҳабацәагьы аиҵбацәагьы кәашон, ахаҵа аԥҳәыс ҳәа еивагыланы (ари ԥҟаран, аизҳара ишатәу мҩашьо), иззааԥсаз аарыхра ҟаларц. Анаҩс аҽаҩра анҭаргалалакгьы ҩаԥхьа абас икәашон, игәырӷьон.

🧡 Ахьыуардын шәақәтәа
Please open Telegram to view this post
VIEW IN TELEGRAM
👍6
Ахьыуардын
Аураашьа, шәеицыгьежьла! Аибаркыратә кәашарақәа "Аураашьа", "Шьараҭын" – ажәытәӡатәи асинкретизм зныԥшуа доуҳатә-культуратә ҭынхоуп. Араҟа ажәа, ашәа, аритм, аиҭаҵшьа аки-аки узеицрымхуа еилаӡоуп. Ишыжәдыруа еиԥш, аԥсуаа рҿы арԥызбеи аԥҳәызбеи анеицыкәашо…
☀️ Аԥсуаа – "амра иаԥыло" жәларуп, арӷьа шьапала акәашара иалагоит, арымала иалаго – "амра наскьазго" ҳәа ирышьҭоуп. Аҵарауаа ари аҩыза аихшара ҟарҵоит аибаркырақәа рзы. Ҳара ҳмилаҭ кәашарақәа зегьы арыӷьалоуп ишалаго, ԥсыуала иуҳәозар – шьапымшла. "Аураашьа" аангьы аԥхьа арыӷьарахь игьежьуеит, агьежь ахаҭа амра иасимволуп.

Иҵегь аинтерес зҵоу афактқәа аагоуп абраҟа>>

📖 А́ибаркыра зыхьӡу хазы акәашара ҳамоуп, ҵакыла еиҭоугозар – "хоровод".

🧡 Ахьыуардын шәақәтәа
Please open Telegram to view this post
VIEW IN TELEGRAM
👍12
Ацуфарақәа ааҳамгеижьҭеи ԥыҭрак ҵуан, ҳахшыҩ ааҳархыҭхыҭпи😉

🟠Адгьыл аҵа ҟамчхәык ыҵоуп. (Амаҭ)

🟠Баак аҟны ҳәыс ԥшқак ҭакуп. (Абыз)

🟠Зан дхьаԥарчу, зыԥҳа дҷаԥшьу. (Ахьа)

🟠Зжьы рымфо, зтәан рыжәуа. (Адаӷьи аӡи)

🟠Сыдгьыл шкәакәа, сыжәла еиқәаҵәа. (Агазеҭ, ашәҟәы)

🧡 Ахьыуардын шәақәтәа
Please open Telegram to view this post
VIEW IN TELEGRAM
👍8
Ахьыуардын
"Анцәа шәзырҳа" абантәаауеи? Шәышықәса уажәаԥхьанӡа аԥсуа ҭаацәарақәа шамахамзар зегьы х-абиԥарак еидызкылоз, ахшара рацәа змаз ҭаацәарақәан. Убри аан еталонс иԥхьаӡан ааҩык ахшара рааӡара. Ус уҳәаратәы иҟоуп афольклор иалаԥсоу ажәеицааирақәа рыла: "абжьҩеишьцәа…
Аԥсны ааҩык ахшара зааӡо аҭаацәарақәа шаҟа ҳамоузеи ҳәа шәҵаауан, еилаҳкааит.

Аџьеи асоциалтә еиқәыршәареи рминистрра адыррақәа рыла, Очамчыра араион ааҩык ахәыҷқәа змоу ҩ-ҭаацәарак ыҟоуп, Гал араион – ҭаацәарак.

Жәҩык зааӡо – ҭаацәарак ыҟоуп (Очамчыра араион), жәаҩык зааӡогьы – ҭаацәарак (Тҟәарчал араион).

Абасала, ааҩык ма инеиҳаны ахшара (18 ирҭымсыц) змоу аҭаацәарақәа иахьазы хәба роуп иҟоу ҳтәылаҿы.

🧡 Ахьыуардын шәақәтәа
Please open Telegram to view this post
VIEW IN TELEGRAM
🙏6😇3👏2
This media is not supported in your browser
VIEW IN TELEGRAM
Адемографиа азҵаара даара игәы иҵхон Аԥсны раԥхьатәи ахада Владислав Арӡынба. Иҭахаз реиҳарак аҿар роуп, даргьы нас ирыҵагылашаз аҵеирагьы ҳцәыӡит ҳәа дыгәжәажәон.

Ахьааи агәыӷреи хубаалоит илакҭа 1993 шықәса анҵәамҭазы ажурналист Руслан Ҳашыг имҩаԥигаз аиҿцәажәара уанахәаԥшуа. Дыззааҭгылаз азҵаарақәа рацәоуп, Аԥсны злабеиоу аԥсабара амчқәа ауаа ирыхәартә ишыҟауҵара инаркны жәларбжьара ҳаҽцәыргашьа аҟынӡа. Аха уааԥсырала аиҵыҵра зегь реиҳа ихадароуп ҳәа иаликаауан.

Аибашьра анцоз ашықәс азы Гәдоуҭа араион 625-ҩык ахәыҷқәа иит, ари даара имаҷуп ҳәа игәы иаланы иҳәеит убасҟан. Иахьа Аԥсны ахы-аҵыхәа шықәсыкала аиразы аршаҳаҭгақәа зауа зықьҩык инархыҳҳәоит ауп. Аԥсны анҭыҵ (Шәача) ииз даҽа уи аҟараҩык ыҟазааит ҳҳәаргьы, ари зегь акоуп имаҷуп.

Аԥҳәызба тәахьа, арԥызба ԥхәысаамга ажәлар ианакәызаалак ирыгәҭыхан, иқьаӷьарион. Анцәа иџьшьаны, ари аус иамароу, изықәманшәалахо ауаа иахьагьы иҳамоуп. Ииашоуп, иахьа ҳазҭагылоу зынӡа даҽа аамҭоуп, қыҭацыԥхьаӡа ақьаӷьариа далхны думыртәаргьы, раионцыԥхьаӡа аӡәаӡәа азкны, дара-дара еимаданы еиҿкаазар ҟалон. Еиқәнаго ӡбахәыла еигәныҩыр ада егь анаҭахым ыҟоуп.

🧡 Ахьыуардын шәақәтәа
Please open Telegram to view this post
VIEW IN TELEGRAM
👍113🙏2