Ахьыуардын
1.27K subscribers
1.38K photos
222 videos
1.66K links
Ахьыуардын — аԥсуа бызшәеи, аҭоурыхи, акультуреи ирызку апроект ҷыда. Напбзиа-шьапбзиа ахьыуардын дақәтәоуп. Шәҳацла: ахьы хәыҷуп, аха шәкы ицоит, аӡә дышәҩыкны дҳаԥхьаӡоит.
Download Telegram
🥣 Аԥсуа чысқәа

Ачамы́қәа – хшла иуу аилаџь,

Аҳалы́жәа – ачаҳаржә, (иагәылоу ашә хымԥада аҵыбра амазар акәын),

Ацхаршәы́ – чыс хаауп, акраамҭа иԥхасҭахаӡомызт, амгьали акәакәарқәеи реиԥш хара ицоз мҩаныфас ишьҭырхуан.

🍯 Ажәытәан ацхаршәы абна цха иалырхуан, уи агьама даҽакала ихаахон.

Излырхуа: ашыла ма ахәыӡ ҷыҷны – 1 кг; ацха 300-350 г; аӡы 1-2 ҵәыца; аџьыкахыш, ахәша – доусы игьама ишақәшәо.

Аҟаҵашьа: ачуан аӡы ҭаҭәаны ацха ауҭоит, акыраамҭа еилауршуеит. Ацхаӡы шеилашуа ашьшьыҳәа ашыла ҷыҷы ҭауԥсоит, амҳаԥ аҵшьуа. Акәымпылқәа ҟамлароуп, ижәпахароуп. Анаҩс ахҩа ахаҵаны, амца иагырханы, 40-50 минуҭ иныжьтәуп. Изҭаху аџьыкахыши ахәшеи аиҭоит. Аамҭа анҵлак иаакныхны, асаан ҟьаҟьа ианҵаны иурԥшӡоит.

Ахыҵхырҭа: Г. Г. Копешавидзе. Абхазская кухня. Сухум, 1989.

🧡 Ахьыуардын шәақәтәа
Please open Telegram to view this post
VIEW IN TELEGRAM
👍163🔥2
🐎Уласы умыццакӡакәа

Аԥсшәа убас ибеиоуп, шәазхәыц, аласра аарԥшразы 15-20 ажәа ухы иаурхәар ауеит, аконтекст зеиԥшроу еиԥш.

Ари ҳбыӷьшәы иамкыз авариантқәа иреиуоуп: а́ҿывҳәа, а́ԥхьырҵәҳәа, аҳаҷа́ҳәа, абырса́аҭк.

👥 Асинонимқәа рхархәара ҳажәаҳәа арҭбаауеит, иарԥшӡоит, аҵакы гәылнаршәоит.

📚 Аҿырԥштәқәа:

Ма быԥсцәаҳан ус бсызшоума? Иџьасшьоит, сыгәгьы иалоуп, // Аӡә луантәы дынҭамыжькәа, ахьышәҭҳәа хыхь бахьзхамло! (Илиа Лашәриа)

Амацәыс инхәыҵҟьаз уахазшәа бласы // Уцеит уласны, саауеит ҳәа лассы. (Виачеслав Ҷыҭанаа)

Сырма дыԥсылмыткит, лгәы неилашәан, // Дшышьҭаз, атыҟҳәа лгәаара налыхшәан… (Баграт Шьынқәба)

Аамҭа иақәыршәан акы ҳәа зегь рҿарҟәшәоит аҟаԥыҳәа. (Гиви Ҵнариа)

Сыҵхи сареи ҳцәыӡқәа ирымаӡам хнырҳәышьа, // Мышкызны, уи шыгәнызго, зрахәыц зыҵшәаз агәыреиԥш, // Аӡын ҵхы лашьцара али-ԥси рыбжьара сналаӡышт саргьы… (Владимир Занҭариа)

Ибымуроуп ашә ааимылжәар, ԥша-шәышәыкгьы ла илызхоит. // Ишыҟоу дыруп дындәылшәар, абырсааҭк лгәы бааԥсхоит. (Платон Бебиа)

Ахьыԥшааҩцәа аффаҳәа ртыҩ ажәҩақәа аҵшьуа инеиуан. (Шьалуа Ҵәыџьба)

Арбаӷь ашырҳәа иҩагылеит. – Уааскьа, уааскьа, Абгахәыҷы, // Ааигәа цқьа Ҳаибадырып. (Џьота Тапаӷәуа)

Аҵыхәтәан иааиқәаз ашырсырҳәа агәашә илҭыҵит. (Анатоли Возба)

Абӷьааҳәа ддәықәлан, бжьымш-ныҟәас ирԥхьаӡоз мышкала днеит. (Алакә аҟынтә)

Аҳаҷаҳәа сгәы дааҭашәеит. Абырсааҭк иааимырыҵәҵәеит.

Ахыҵхырҭа: Аԥсуа-аурыс жәар. Еиқәиршәеит Касланӡиа В. А. Аҟәа, 2005.

#асинонимқәа

🧡 Ахьыуардын шәақәтәа
Please open Telegram to view this post
VIEW IN TELEGRAM
👍13❤‍🔥3🥰31
"Ҳамшын ҟәанда иацәшәа иԥхьаҵын, ҳашьхақәа рахь ицеит аӡын".

Апоет Владимир Анқәаб абри аниҩуазгьы аӡын иааџьоушьаратә иԥхарразар акәхарын.

Аҳауагәаҭаҩцәа ишаарыцҳауа ала, иааиуа аԥсшьарамшқәа рзы Аԥсны иналак-аалакны ашәшьы хылоит, аха ажәҩан иалышәшәаны акгьы ҳазлеиӡом.

Аԥшасра секундк ала 3-8 метра, зны-зынла аҽарӷәӷәар ҟалоит 12-17 м/с рҟынӡа.

Аҳауаԥхарра уахынла ⬇️+2°С ⬆️+7°С, ҽынла ⬇️+12°С ⬆️+17°С.

Амшынӡы аҟәандара 10°С.

Аҳауа ацәаакыра 50-70%.

Ажәлар разгәаҭарақәа:

🟠 Аԥсҭҳәа адгьыл иқәчуазар, амш бзиа иатәуп.

🟠 Агантә аԥшаӷьы асуазар, амш цәгьахоит.

🧡 Ахьыуардын шәақәтәа
Please open Telegram to view this post
VIEW IN TELEGRAM
👍16
Шәааи, ацу ҳфап!

Амариақәа рыла ҳалагеит. Аҭакқәа ҵәахуп, шәақәыӷәӷәар иаатуеит. Аха шәақәыӷәӷәом усгьы😉

⚫️ Уахәаԥшаанӡа иуахәаԥшуа.
(акылаара)

⚫️ Сыҩны ахыцәқәа џьам ԥҽыхак ықәыршәуп.
(амза)

⚫️ Иштәоу иԥсылахо.
(аҟаб)

⚫️ Абнара агәҭа амцабз ылҟьоит.
(агәмыркатыл)

⚫️ Соупыжә хәыҷы ҵыӡыԥсаха.
(ажәҩани аеҵәақәеи)

⚫️ Аҳ иџьыба ашьа ҭыхьхьоит.
(амыҵмыџь)

⚫️ Аҳ иашҭа рацәак ҭаршәуп.
(ардәына)

Ахыҵхырҭа: Мушьни Миқаиа. Тур ихәаа ражәабжьқәа. Аҟәа, 2013.

🧡 Ахьыуардын шәақәтәа
Please open Telegram to view this post
VIEW IN TELEGRAM
👍23😁4🙏2
🌊 "Аӷба ду ҟазҵаз акалаҭ ҟазҵаз дџьеишьон..."

Аԥсуаа жәытә-натә аахыс амшын ихын, амаршәа акышьа рдыруан, адгьыл иқәзар аҟара иашьцылан. Абри арҵабыргуеит ибеиоу ҳамшынтә лексика. Еилкаарак 3-4 ажәа аназыԥшаау ыҟоуп.

Қьалышьбеи Чачба ихаан 600 иреиҵамкәа арратә ԥраӷбақәа ҳаԥшаҳәа рыхьчон, Баҭым инаркны Геленџьиқынӡа мҵык рывшәар ауамызт.

Баграт Шьынқәба ироман "Ацынҵәарах" аҿы 40 инареиҳаны амшын иадҳәалоу атерминқәа уԥылоит ҳәа иҩуеит ари атема хықәкыла иҭызҵааз абызшәадырҩы Оҭар Ӡиӡариа. Абра иааҳгоит урҭ рыхәҭак:

Аӷба, азандал - корабль; пароход
Аԥраӷба, аканџьа - парусное судно
Афлыка - фелюга
Ашхәа, анышь - лодка
Ашхәа ԥынҵаҵәыр - остроносая лодка
Аихасаҟәа, атыҩ - плот
Ажәҩа - весло
Ахыӷәра, аидаур, араԥаӷәра - палуба
Акыӷәра - корма
Амазгәыҭ - мачта
Аԥра, аԥраш - парус
Аԥрахәа - апсель (косой парус)
Аԥрамгәа - бюк (пузо паруса)
Аԥсҟы - руль
Аԥсры - трюм
Ахы, аԥынҵа, аԥышә - нос (у судна)
Ахәы, аԥырсал - якорь
Аҳәагәыжь - якорная цепь

🏊🏼‍♂️ Аԥсуаа ирдыруаз аӡсашьа астильқәа:

Адаӷьарӡса, даӷьрца (бз.)
- брасс
Жәҩаҭых, напҭҟьа, напҭых (бз.) - кроль
Ларӡса, ларӡсеиа - плавание по-собачьи
Хиаала, гәырх, еизқәырха, бӷарӡса - плавание на спине
Варала аӡсара, ганрӡса (ганрца) - плавание на боку
Шьырӡса, шьарца - эстафетное плавание

Ахыҵхырҭақәа:

Отар Дзидзария.
Море и абхазы. Сухум, 2020.

Анатоли Хьециа
. Аӡсара иадҳәалоу атерминқәа рҷыдарақәа аԥсуа бызшәаҿы. // "Известия" АИЯЛИ им. Д. И. Гулиа, 1980.

🧡 Ахьыуардын шәақәтәа
Please open Telegram to view this post
VIEW IN TELEGRAM
👍17🔥3
Аԥба

🧩 Ажәахырҿиаара иахьа "а́ԥба" (чутье) иазаҳкып. Ари ажәа ҩ-шьагәыҭк реилаҵарала ишьақәгылоуп: "ԥ" (а́ԥхьа – впереди, вначале) + абара́ (видеть) = блала иубаанӡа "иубо" аанагоит, мамзаргьы ԥынҵала "абара" (видеть наперед; "видеть" носом).

Ажәақәа аԥы́нҵа (нос), аԥы́жәара (преимущество), аԥынӡа́р (шлем), аԥы́рак (щит) ирылоугьы иара убри -ԥ- ауп.

Афҩи аԥбеи дара-дара еиҩысӡом: афҩы аҳара, аԥба акра.

Иаҳҳәап, амшә ҳафҩы аҳаит рҳәаӡом – амшә ҳаԥба акит

Ма, ала жәлабзиа шәарахк аԥба акыр, алымҳақәа кьацә-кьацәӡа инахагылоит.

📖 Ажәар
Афҩы́ – запах (абаз. фгIвы)
А́ԥба – чутье, обоняние; дух
Аҟәыншәы́, афҩы́хаа, афҩы́лаҳа – аромат

📚 Аҿырԥштәқәа

Амшынеиқәа сыҿԥынгылауп иасымша нырцә сыԥшуа. // Мыши ҵареи зегь ыиасуеит, рыԥба ыҟам са сзынхьуа. (Омар Беигәаа)

Ашәҭ ангәылҵуа иԥшӡаӡоуп, ԥсыс иахами амырхәага.
// Афҩы ссируп, иҿацоуп, иалшоит арԥысгьы дархагар. (Терент Ҷаниа)

О, аԥшӡақәа, цәашьык-цәашьык шәыблы, аринахыс ишәнымхаларц лаԥшҭыԥ. // Иааҭынчхап нас ирыцҳахаз сыԥсгьы, ацәацәашь цәымза фҩыхаа иаарҩышьып. (Таиф Аџьба)

Аԥсуа шәҭы ҟаԥшь аҟәыншәы хаа лхаҵаны. (Илиа Лашәриа)


#ажәахырҿиаара

🧡 Ахьыуардын шәақәтәа
Please open Telegram to view this post
VIEW IN TELEGRAM
👍165
Аҟәеи, Гәдоуҭеи, Очамчыреи аабыкьанӡа хьӡык ала ирышьҭан. Иарбан жәдыруазар?

А́га.
Избан акәзар, ҳақалақьқәа агаҿоуп иахьыҟоу (зынӡа иқәыԥшу аиндустриалтә центр аҳасабала еиҿкааз Тҟәарчал алаҳамҵозар).

🏛 Ажәа "а́қалақь" аҭырқәшәа аҟынтә аԥсшәа иаланагалаз акоуп: kalé – абаа (крепость) аанагоит.

Ҳабдуцәеи ҳандуцәеи Ага анырҳәо, ухаҿы иааиуа ақалақь ауп, ауаҩы акы ахьааихәо, мамзаргьы дахьыхәаахәҭуа аҭыԥ.

Уажәшьҭа ари алексема аиҳабыратә абиԥара ражәаҳәаҿы акәымзар аламала ахархәара амаӡам. XX-тәи ашәышықәсазы иаԥҵаз асахьаркыратә литератураҿгьы иаанхеит.

📚 Аҿырԥштәқәа:

Гәдоуҭа:
Ага шьоукы мчыла днымҩахыганы ҵәыцақәак идыржәзаарын, иқьаф ҟаҵаны дыҟан... (Гьаргь Гәыблиа)

Аҟәа: Ага аҭеразцәа идурӡахырц уҭахызаргьы сузымҵааит. (Алықьса Гогәуа)

Очамчыра: Иҩнқәа акы Ага игылоуп, акы – ара... (Алықьса Гогәуа)

Ага уганы аӡы умыржәкәа уааигоит. Ага ицо лак ишьҭоуп ҳәа. (Афразеологизмқәа)

Ахыҵхырҭа: Л. Х. Саманба. Аԥсуа бызшәеи азеиԥш бызшәадырреи рызҵаарақәа. Аҟәа, 2015.

📖 Аҭеразы́ - портной (аҭырқәшәахьтә ҳбызшәа иалалаз ажәоуп аригьы)

🧡 Ахьыуардын шәақәтәа
Please open Telegram to view this post
VIEW IN TELEGRAM
👍19👏3
"Свежий" аԥсышәала ишԥаҟало?

Абри азҵаара змауц, ма изымҭииц маҷзар ҟалап Аԥсны. Азныказы иуҳәо уҿамшәо уаанхар ауеит, аиҭагара ухы азушьҭыр. Аха ара аиҭагара аҭахӡам, аԥсышәала ухәыцроуп.

Ҳазлацәажәо аҟазшьарба аԥсышәала аҳәашьақәа даара ирацәоуп, изызку еиԥш.

Шәааи игәаҳҭап ихадарақәоу:

🟠 Свежее мясо – аҿыцшьыра акәац; ажьҿа́

🟠 Свежая рыба – аҿыцкыра аԥсыӡ

🟠 Свежий хлеб – аҿыцӡыра ача

🟠 Свежие фрукты, овощи, зелень – ашәыр ҿа; ауҭраҭых ҿа, аџьымшь ҿа

🟠 Свежее молоко – ахш аӡа

🟠 Свежая газета, свежие новости – агазеҭ ҿыц, ажәабжь ҿыц

🟠 Свежее полотенце – напы иамкыц ампахьшьы

🟠 Свежая вода, свежий воздух – аӡыхь, аӡы цқьа; аҳауа цқьа

🟠 Свежая ночь - аҵх хьшәашәа

🟠 Свежий ветер – аԥшаӷьы

🟠 Свежий игрок – зымч ҭоу ахәмарҩы

Асыжә акыраамҭа ишьҭымҵуазар, ас-ҿа иазыԥшуп рҳәоит. – Если старый снег долго не сходит, говорят, что ждет свежего.

Ахыҵхырҭа: Аурыс-аԥсуа жәар. Еиқәдыршәеит Борис Џьонуа, Владимир Касланӡиа. Аҟәа, 2016.

🧡 Ахьыуардын шәақәтәа
Please open Telegram to view this post
VIEW IN TELEGRAM
👍30
🐻 Амшә

Абри ажәа аԥсшәа ижәытәӡатәиу алексикахь иаҵанакуеит. Уи злаҳдыруагьы еигәыцхәу абызшәақәа рылоуп.

Абаза бызшәала – мшвы, адыга – мыщэ, аҟабарда – мыщэ, аубых – мысуэ.

Аха шьҭыбжьыла аиԥшзаара мацара азхаӡом ажәа иаҳәо ак шакәу ашьақәырӷәӷәаразы, аҵакы уахәаԥшроуп.

Амшә ахьӡ – амапкратә ҟаҵарба "а́мшәара" (не бояться) аҟынтә иаауеит, амшә = имшәо (не боящийся). Иҟалап, ажәытәӡан ашәарыцаҩцәа ракәзар ари ашәарах ахьӡ азҭазгьы.

Иахьатәи абна бызшәала амшә "ашьапа́жә" ҳәа иашьҭоуп, ахьӡ ршьоит.

Хыхь еиқәаҳаԥхьаӡаз ҳаешьаратә бызшәақәа рылагьы амшә аетимологиа амшәароуп иаанаго, абри атәы иҳәахьан кавказҭҵааҩ Амин Шагьиров.

Урысшәалагьы "медведь" евфемизмуп "медоед" аҟынтә иаауеит, "ацха зфо". Аха ажәлар иҵегь ахьӡшьарақәа азырԥшааит: мишка, Потапыч, Топтыгин уҳәа.

Ахыҵхырҭақәа:

Руслан Шамба. О этнонимах аԥсуа, абаза, абхаз и других словах. Сухум, 2010.

Леонид Саманба. Аԥсуа бызшәеи азеиԥш бызшәадырреи рызҵаарақәа. Аҟәа, 2015.

Амин Шагиров. Материальные и структурные общности лексики абхазо-адыгских языков. Москва, 1982.

🧡 Ахьыуардын шәақәтәа
Please open Telegram to view this post
VIEW IN TELEGRAM
👍19🏆3
Абгархықә ахәы ҳаракырақәа рҿы џьара-џьара атама шәҭит.

Абри атәы ҳаиҳәеит аҭыԥантәи анхаҩы Ахра Оҭырба, аӡын шӡынроу имҩасуазар ҳҭахгәышьан ҳәа ацҵаны.

Ҳазҭало амчыбжь азгьы Аԥсны иахьаҵанакуа амш еилгоуп, амра ԥхалоит. Асабшеи амҽышеи ақәа леир алшоит.

Аҳауаԥхарра уахынла ⬇️+2°С ⬆️+7°С, ҽынла ⬇️+10°С ⬆️+14°С.

Амшынӡы аҟәандара 10°С.

Аҳауа ацәаакыра 50-70%.

Ажәлар разгәаҭара:

Ашьыжьымҭан амра шыҩагылалак аԥсҭәҳәа иалалар, амш цәгьахоит.

🧡 Ахьыуардын шәақәтәа
Please open Telegram to view this post
VIEW IN TELEGRAM
🤔10👍6
"Адунеи зегь, дад, уаароуп, – иҳәеит.
Адунеиаҿ иҟоу, дад, ҿароуп, – иҳәеит.
Уахьынӡаҟоу, дад, қәԥароуп, – иҳәеит.
Уанаҵахагьы, дад, цәгьароуп, – иҳәеит".

Иналукааша аԥсуа поет Владимир Ахьиба иахьа иԥсы ҭазҭгьы 85 шықәса ихыҵуазаарын.

Жәандәрыԥшь ақыҭа ԥшӡа иалҵыз арҿиаҩы акьыԥхь аҿы дцәырҵуа далагеит 1960-тәи ашықәсқәа рзы. XX-тәи ашә. аҩбатәи азбжазы еилашуаз алитературатә ԥсҭазаара аӡәы ҳәа далагылан. Аԥсни Асовет Еидгылеи Ашәҟәыҩҩцәа реидгылақәа дрылан.

Владимир Ахьиба апоет-трибун ҳәа изуҳәар ҟалоит, игәы аартын, игәы иҭаз иҳәон. Иажәеинраалақәа зегьы ԥсабаратә баҩхатәрала ииз роуп, аҩра́ иԥсҭазааран, апоезиа ԥсыс ихан.

Аԥхьаҩцәагьы бзиа дырбон, иеигәырӷьаны иԥылон. Иԥсы ахьынӡаҭаз аизгақәа жәба рҭыжьра дахьӡеит.

Идунеи иԥсахит 2000 шықәсазы, 62 дшырҭагылаз. Иреиӷьу иаԥҵамҭақәа Аԥсуа поезиа антологиа иагәылоуп (ад. 932).

Иажәеинраалақәа акыр ашәақәа рылхуп, ахорқәеи, афольклортә коллективқәеи, аестрадатә шәаҳәаҩцәеи инарыгӡоит.

Ахыҵхырҭа: Аԥсны акрызҵазкуа арыцхәқәа рамзар. Аҟәа, 2022.

Афото: аҭаацәаратә архив аҟынтә

🧡 Ахьыуардын шәақәтәа
Please open Telegram to view this post
VIEW IN TELEGRAM
17👍4🏆2
Асас дымшуп. Асас быжь-насыԥк ицуп.

Аԥсуаа рҿы асас дахьнеилакгьы ҩнаҭацыԥхьаӡа ихәы ҵәахын – асас хәы. Ажәытәан арахә ашьха ианкарцозгьы, быжьба-ааба хы аԥсаса аҩны иааныркылон, сас дахьк дааир ҳәа.

Амла иакыз, иааԥсаз аҽыуаҩ аҩнаҭа давсӡомызт, аиҭанеиааира, аихаҵгылара ыҟан. Ауаҩы дахьазымдыруаз днеиргьы – пату иқәырҵон, дныҟәыргон.

Хыхь иааҳгаз ажәаԥҟақәа, егьырҭ ҳажәаԥҟақәа зегь реиԥш, иҟалаҵәҟьаз хҭысқәак ирхылҿиааит.

Убас еиҭарҳәо ажәабжьк уажәы шәаԥхьарц ишәыдаагалоит.

Ианаҳҵеит аҷандаратәи аҟәышдыр, асахьаҭыхҩы Уасил Мхонџьиа иҳәамҭаны, 2010 шықәсазы:

🧡 Ахьыуардын шәақәтәа
Please open Telegram to view this post
VIEW IN TELEGRAM
👍113
Ахьыуардын
Асас дымшуп. Асас быжь-насыԥк ицуп. Аԥсуаа рҿы асас дахьнеилакгьы ҩнаҭацыԥхьаӡа ихәы ҵәахын – асас хәы. Ажәытәан арахә ашьха ианкарцозгьы, быжьба-ааба хы аԥсаса аҩны иааныркылон, сас дахьк дааир ҳәа. Амла иакыз, иааԥсаз аҽыуаҩ аҩнаҭа давсӡомызт, аиҭанеиааира…
Абас зны ладахьтәи иаауан гәыԥҩык аҽцәа, аиҳабгьы дрыцын. Амҩан иааԥсеит, рыҽқәагьы ааԥсеит, џьара инымҩахыҵит. Иахьнеиз ибзианы ирыдыркылеит. Аԥшәма игәылацәа дрыԥхьан, асасцәа ашьтәа рзишьит, аԥха мазеихаанӡагьы акы инаирцҳауан. Рхәы аныҟала, рнапқәа ааӡәӡәаны, уажәшьҭа аиҳабы-аиҵбы дгәаҭаны еибартәоит ҳәа ишаҿыз, аарҵәааҳәа бжьыцәгьак аараҳаит аҩны аҩнуҵҟантә. Асасцәагы ираҳаит, аԥшәмацәагьы ираҳаит.

Ибзиаӡамызт абжьы игаз, гәаҟрабжьын, ихәарҭамызт. Асасцәа неихәаԥшы-ааихәаԥшит, аха аԥшәмацәа рҽыдмырҵысит, егьақәҿырымҭит. Итәақәеит нас. Асасцәа аиҳабы ҳәа ирыцыз аԥшәма иаҵкысгьы қәрала деиҳан, дҭаҳмадан. "Дад, – иҳәеит, – ҵаара ԥхашьарам, абра бжьык ҳаҳан, иҳаилшәыркаа, изакә бжьыз?" – ҳәа дҵааит.

Абри аԥшәма аҷкәын замана дихылҵт, аха дычмазаҩуп рҳәеит, уадак аҿы дҿаҳәаны дрымоуп, доууыжьыргьы ихазгьы дшәарҭоуп, ауаа рзгьы дшәарҭоуп рҳәеит. Асасцәа ираҳаз рцәымыӷхеит.

Нас аҭаҳмада ус ибжьы ааиргеит: "Дад, уара уаԥшәымоуп, уаԥшәмара уагымзааит! Иҟалозар, аныҳәаҿа сыҭ", – ҳәа. Исымҭакәа, деиҳабуп иҳәеит уигьы. Аҵәца аашьҭыхны абас дныҳәеит аҭаҳмада: "Иа, Анцәа ду, сукәыхшоуп! Ҳара наскьантә ҳаауеит, аҩныҟа ҳхы хоуп. Аҩны ҳлеиаанӡа абри аиуа ажәабжь сырҳа, – иҳәеит – абри аҷкәын ихы дақәиҭхо!" Итәазгьы зегьы ари аныҳәаҿа ркит. Ирфеит-иржәит, игылеит.

Иҽыжәланы иаауеит шьҭа, еицырхашьшьы Мҷышь иазааигәахон еиԥш, "Уа шәаагыл!" ҳәа ҽырххыла ҷкәынак даарыхьӡеит, иахьтәаз рымаҵ зуаз иакәын. "Агәырӷьаҿҳәаша аазгеит, аҷкәын ихы дақәиҭуп! Аԥшәма дшәыԥхьоит, шәгьежьы!" – иҳәеит. "Ҳаи, Анцәа иџьшьоуп! Ҳамгьежьыкәа, ҳҿаҳәатәы ҟалеит", – рҳәеит згәы иахәаз ахацәа. Иахьлеиз аԥшәма ацә ишьит, иуа-иҭынха еизигеит.

Асасцәа анықәҵ, ачымазаҩ дааилшәан: "Уара абра сызҿаҳәеи, соушәмыжьуа!" – иҳәазаап, бла разыла иҭаацәа даарыхәаԥшны.

Ажәа убри аҟара амч амоуп згәы цқьоу ауаҩы иҿаҿы. Аха убри агәыцқьара ҟазҵо Анцәа ишьароуп. Агәыцқьара иаанагоит ауаа еилымхкәа рбара, ирыхәо аҟаҵара, ухы-уԥсы иагыжьны акәзаргьы.

Еиҭеиҳәеит Уасил Мхонџьиа.

🧡 Ахьыуардын шәақәтәа
Please open Telegram to view this post
VIEW IN TELEGRAM
👍13🔥32
Аԥсуаа ҳчашә – адунеи аҿы акыр иныҟәахьоу аурыс ԥсшьаҩцәа зегьы иреиӷьыршьо амажәа чысқәа ирхырԥхьаӡалазаап.

Амала ауаԥсаа рчашәи аҟабарда хычинқәеи ҩ-ҭыԥк иҳаԥыргеит. Аха уи егьаурым, ҳашьцәа ашьхарыуаа рзы еснагь ҳгәы ҳалалуп.

Актәи аҭыԥ аҭаҭарцәа ирырҭеит, акәац згәылоу рмилаҭ чыс "ечпочмак" азы.

Ҳарҭ, аԥсуаа, акәац абысҭоуп издаҳкыло акәымзар, ари аицлабраҿы аиааира ҳгон, хымԥада.🙂

Мшәан, баша ирҳәозма нас, аԥсуа ичеиџьыка быжь-гәыжьк ирзырҵысуам ҳәа?

Абжьыҭара мҩаԥысуан асасааирҭа злаҿоуҵаша амаҵзура Tvil.ru асоциалтә ҳақәа рҟны.

🧡 Ахьыуардын шәақәтәа
Please open Telegram to view this post
VIEW IN TELEGRAM
👍14🔥32
Ача́ атема иацҵауа ишәыдаагалоит иахьатәи 🪢Ажәарыԥхрақәа.

Хыхь ижәбо абыӷьшәаҿы иаагоу ажәақәа зегьы шьагәыҭк рымоуп, "ачра́" (пухнуть, надуваться) иадҳәалоуп.

Ача́ (ичуп, ибабоуп) уи иахылҵит "ачара́" (акрыфара) умгәа иацлоит, "ачгара́" – умгәа агоит; "ачы́ҟә", ача́ҟәа, "а́чыргә", "ахчы́" ртәы еилкаауп; "ачы́мазара" – ачы́ а́мазаара (иметь опухоль), а́ч-ҳа-ра (растить опухоль).

А́ча шәазхәыци – ибыбкӡа, ихәаԥӡа иҟоу аԥсаатә.

Уажә, иаҳҳәап, аурыс иауҳәар, атәанчаре́и ача́реи аԥсшәаҿы шьагәыҭк рымоуп ҳәа, егьа иџьаишьашт.

Аха абас иҳацәажәоит ҳбызшәа. Изаҳауа ҳаҟазар.

Ахыҵхырҭа: Р. П. Шамба. О этнонимах аԥсуа, абаза, абхаз и других словах. Сухум, 2010.

🧡 Ахьыуардын шәақәтәа
Please open Telegram to view this post
VIEW IN TELEGRAM
👍172
Ахьыуардын
Ача́ атема иацҵауа ишәыдаагалоит иахьатәи 🪢Ажәарыԥхрақәа. Хыхь ижәбо абыӷьшәаҿы иаагоу ажәақәа зегьы шьагәыҭк рымоуп, "ачра́" (пухнуть, надуваться) иадҳәалоуп. Ача́ (ичуп, ибабоуп) уи иахылҵит "ачара́" (акрыфара) умгәа иацлоит, "ачгара́" – умгәа агоит;…
Ачада́ра – Аԥсны изныкымкәа иаҳԥыло ҭыԥхьӡуп.

Аха зегь раԥхьа ҳхаҿы иааиуа Гәымсҭа арымарахьтәи ахықәаҿы ишьҭоу ақыҭа ауп.

Ачада́ра ахьӡ ҟалеит "а́ча тәа́ра" (а́ча ахьтәо аҭыԥ) аҟынтә ҳәа аетимологиа ҟаиҵоит абызшәадырҩы, апрофессор Валери Кәарҷиа.

Ашьҭыбжь -тә зыҟами ҳәа шәгәы иаанагозар, уи -т иареи ара еиваҟәылоит. Иаҳҳәап, абаза бызшәаҿы зынӡагьы -тә рымаӡам, "сидеть" атара́ ҳәоуп ишыҟало.

Ача́дара ҳәа ақәыӷәӷәара аҩбатәи ацырахь ицозҭгьы, усҟан "ача ахьзымҳауа аҭыԥ" аҳәон.

Ахыҵхырҭа: В. Е. Кварчия. Историческая и современная топонимия Абхазии.

Афото аҟны: Гәымсҭа аӡиас аԥшаҳәа

🧡 Ахьыуардын шәақәтәа
Please open Telegram to view this post
VIEW IN TELEGRAM
👍16🤩2
Аԥсны Афырхаҵа, аибашьҩы гәымшәа Игор Аргәын иахьа иԥсы ҭаны дҳалагылазҭгьы 60 шықәса ихыҵуан.

Ҳаԥсадгьыл аӷа дшақәлаз ажәабжь Игор Аԥсны анҭыҵ дшыҟаз иаҳаит. Зыԥшрак ҟамҵакәа Кавказ ашьхарыуа жәларқәа рконфедерациа иалаз ачечен гәыԥ дацны, ашьха дхыҵны даауеит. Иџьынџь ахьчара дазгылеит аԥхьа Бзыԥтәи афронт аҟны, иара уа дшыҟаз Гагра ахақәиҭра дазықәԥеит.

Анаҩс II-тәи Ешыратәи абаталион дахәҭакны Гәымсҭатәи афронт аҿы деибашьуан. Аҟәа ахақәиҭтәра иазкыз Ианартәи, Марттәи ажәыларақәа дрылахәын.

1993 шықәса лаҵарамзазы Мрагыларатәи афронт ахь диаргоит: Ԥақәашь, Аҭара, Аӡҩыбжьа, Тамшь уҳәа реиҳа иуадаҩӡаз адҵақәа назыгӡоз агәыԥ ҷыда далан.

Убас, ԥхынгәымза алагамҭазы Кәыдры ацҳа азааигәара иуалԥшьа дшаҵагылаз ӷәӷәала дырхәит. Аӷа инапаҿы дҟалагәышьеит агәеиҵамха. Ахлымӡаах изааргеит, ддыргәаҟит, дытҟәангьы игәамч ианамыхәаӡа – иааигәыдҵан дыршьит.

Иҟоуп иԥсыз, иҟоуп ишыбзаз иԥсыз, иҟоуп ԥсра зқәым. Игор Аргәын – ԥсра зқәым Аԥсны Афырхаҵа иоуп.

Ҳара ҳаибашьра ҟалаанӡагьы ахьӡ-аԥша ирҳахьан Афганистан. Уаҟа хамеигӡарада аинтернационалтә уалԥшьа ахьынаигӡаз азы аџьшьаратә медалқәа ианаршьеит Асовет Еидгыла ахьӡалагьы, Афганистан ажәлар рыхьӡалагьы.

Ахыҵхырҭа: Аԥсны акрызҵазкуа арыцхәқәа рамзар. Аҟәа, 2022

Афото: Аԥсны агәалашәара ашәҟәаҟынтә

🧡 Ахьыуардын шәақәтәа
Please open Telegram to view this post
VIEW IN TELEGRAM
😢103
Аԥсуа ҭауадцәа. Арымарахьтә арыӷьарахь итәоуп: Гьаргь Константин-иԥа Чачба, Александр Гьыргәал-иԥа Чачба, Милтон Аимхаа, Асҭамыр Иналиԥа; дгылоуп Алықьса Ӡаԥшьиԥа.

"Афашистцәа ԥхьаҟатәи ҳԥеиԥш ҳамхра мацара акәым, иҳамырхыр рҭахын ҳжәытәгьы. Иуасҳәоит даҽакы. 1918 шықәсазы, ақырҭуа меншевикцәа Аԥсны ианахаԥа, Ачачбақәа рхатәы архив Џьгьарда иганы ирҵәахит. Убраҟа иԥшааны, ирыблит. Ҳҭоурых абылра иаҿуижьҭеи шәышықәса иреиҳауп", – Шьалуа Иналиԥа.

Аԥсуаҭҵааразы зхы аџьыка ықәызххьаз, ақырҭқәа амца зыцрарҵаз ҳинститут зџьабаа алаблыз, уи азмырхакәа, зԥазаҵәгьы аибашьраҿы дҭахаз аҵарауаҩ нага абарҭ иажәақәа аниҵеит ашәҟәыҩҩы Џьума Аҳәба имшынҵаҿы. Абҵарамза 5, 1993 шықәсазы.


Ахыҵхырҭа: Џьума Аҳәба. Аԥышәара ду шцац ицоит. Ахҭысқәеи агәҭахәыцрақәеи. Иҩымҭақәа реизга, VI-тәи атом. Аҟәа, 2015.

Афото аагоуп Џьон Смыр иархив аҟынтә.

🧡 Ахьыуардын шәақәтәа
Please open Telegram to view this post
VIEW IN TELEGRAM
👍19
Зқьышықәса зхыҵуа аҳацҳа

Басла иху ахаҳә цҳа аиԥш зеиԥшу даҽак ыҟаӡам Аԥсны. Аҵарауаа ишырԥхьаӡаз ала, иара чаԥан XI-XII ашәышықәсақәа рзы. Аҳаш мацарала еиқәҵоуп. Ацҳа аура 35 метра инаӡоит, ауа́ргьа (арка) ахаҭа – 13,3 метра, аҭбаара 4,7 метра. Иахьагьы быжьба-ааба тонна аидара шьҭнахуеит.

Ацҳа 200-ҟа метра инацәыхараны абжьарашәышықәсахь иаҵанакуа ақьырсиан ныхабаа ахыжәжәарақәа уԥылоит. Аԥсабара аԥшӡареи ауаҩы инапҟазареи ахьеицааиуа ари аҭыԥ ашықәс аамҭақәа зегьы рзы иблахкыгоуп.

1930-тәи ашықәсқәа раан Бериа ихыԥша иабзоураны ақырҭқәа Аԥсны рыҽдырӷәӷәо ианалага, ари ацҳа ԥшӡа дара рбызшәала аҩыра анырҵарц иаԥшьыргеит, аиҭашьақәыргылара аҭахызшәа лаԥшхырԥагас иҟаҵо. Уимоу, дара иртәны ирԥхьаӡо аҳкәажә Ҭамара лыхьӡгьы ахырҵаларын. Аԥсуаа уи збоз адҩылара амжәаны, аргамаду иҟәаҟәаны илкарыжьуан.

Аҭоурыхҭҵааҩ Ермолаи Аџьынџьал иусумҭақәа рҿы иҳәоит, ақырҭуа ҩырақәа уа ахаан ианны изыҟаломызт, избанзар ацҳа аргылара дара зынӡагьы рус алаӡамызт ҳәа.

Ари ацҳа иадҳәалоу алегендақәа акымкәа-ҩбамкәа иихьеит. Иааҳгоит реиҳа алаҵәара змоу.

Ажәытәӡан Аԥсны зымпыҵазхаларц зҭахыз қәылаҩцәақәак рҽырӷәӷәаӡаны иаан, ага зегь ааныркылеит. Ауааԥсыра ашьхарахь ихьаҵыр акәхеит, аха аӷа дшықәырцаша иазхәыцуан. Ус, гәыԥҩык агәымшәацәа шьхала ижәыларц рыӡбеит, аха аӷацәа урызгәамҭакәа иаалырҟьаны урхаҩарц азы ацҳа аҭахын. Аҳаши аԥслымӡи маҷхәызма, ашьыхга кьыр армазеиха аамҭа ыҟамызт акәымзар.

Усҟан ажәлар ирыларҳәеит: ахақәиҭра зҭаху зегьы кәтаӷьк-кәтаӷьк аажәга ҳәа. Уахыки-ҽнаки рыла 40 нызқь кәтаӷь еидкылан. Аԥслымӡи акәтаӷьи ааиларшьшьны, аҟазацәа уахык ала аҳашқәа еиқәҵо ацҳа рчаԥеит. Ахымш раан аӷа игәиҽанӡамкәа игәыдлан дрыцҟьеит. Аԥсны ҩаԥхьа ахы иақәиҭын.


Ахыҵхырҭа: Ю. Н. Воронов. В мире архитектурных памятников Абхазии. Москва, 1978.

🧡 Ахьыуардын шәақәтәа
Please open Telegram to view this post
VIEW IN TELEGRAM
👍11❤‍🔥3🔥3🤬1
Гәында Кәыҵниаԥҳа иахьарнахыс Аԥсны аҳәынҭқарратә бызшәатә политика ҳәаақәылҵалоит. Абри атәы зҳәо аусԥҟа инапы аҵаиҩит ҳтәыла ахада Аслан Бжьаниа.

Гәында Қәыҵниаԥҳа – афилолог, апоет, Дырмит Гәлиа ихьӡ зху Аҳәынҭқарратә премиа алауреат, уаанӡа шықәсырацәала Аԥсуа бызшәа аҿиара афонд адиректорс аус лухьан.

🧡 Ахьыуардын шәақәтәа
Please open Telegram to view this post
VIEW IN TELEGRAM
👍14
Аслан Бжьаниа инапы зҵаиҩыз даҽа усԥҟак инақәыршәаны, аҭоурыхҭҵааҩ Гарик Сангәлиа Аԥсны аҭоурыхтә-культуратә ҭынха ахьчара иазку аҳәынҭқарратә усбарҭа дахагылеит.

Гарик Сангәлиа – Аԥсуаҭҵааратә институт археологиа аҟәша аҭҵаарадырратә усзуҩ, Аԥсуа университет аҭоурых акафедра арҵаҩы. Аҭҵаара инапы алакуп 1983 шықәса раахыс.

🧡 Ахьыуардын шәақәтәа
Please open Telegram to view this post
VIEW IN TELEGRAM
👍10