Ахьыуардын
1.26K subscribers
1.38K photos
220 videos
1.66K links
Ахьыуардын — аԥсуа бызшәеи, аҭоурыхи, акультуреи ирызку апроект ҷыда. Напбзиа-шьапбзиа ахьыуардын дақәтәоуп. Шәҳацла: ахьы хәыҷуп, аха шәкы ицоит, аӡә дышәҩыкны дҳаԥхьаӡоит.
Download Telegram
Ахьӡ – хьарԥшгоуп.

Аҩызцәа, арубрика ҿыц шәыдаагалоит, аԥсуа хьыӡқәа ирызку. Ҳканал ахьӡ излаҳаднаҵо ала, "ахьы" иахылҿиааз рыла ҳалагап😇Ас иҟоу ахьӡқәа ажәлабзиареи, ахәшьара ҳараки, ажәытәан иҿианы иҳамаз ахьы акульти уи аԥшӡареи рныԥшуеит.

Анкьа ахәыҷқәа "ахьы хьыӡқәа" анырхырҵоз иҿырԥшыгахап, иреиӷьу аҟазшьақәа аархәап ҳәа ихәыцуан, убри анахыс ачымазарақәеи алаԥш цәгьеи рыҟәнагоит ҳәа иԥхьаӡан. Ҭауади-аамсҭеи рыхьӡқәагьы инарывадыргылон: Ахьы Зосҳан, Ахьы Чачхан, Ахьы Шабаҭ...

Ахьы злоу ахьыӡқәа акыр ирацәоуп, асиа еиқәлыршәахьан абызшәадырҩы Валентина Амҷԥҳа. Ара иааҳгаз ахәҭак роуп, аҿыц ԥсҭазаара рыҭара иаԥсоуп ҳәа иаҳаԥхьаӡо. Хьы́мца, Хьа́рԥыс, Хьы́нап – акала иҟәнушьартә иҟам ҳгәанала.

#ахьӡқәа

🧡 Ахьыуардын шәақәтәа
Please open Telegram to view this post
VIEW IN TELEGRAM
👍96
Џьаҳаным ицараны иҟоу, иҭыԥ заанаҵ ирхиоит.

Уаҳа иахыуҳәаауеи Лыхнашҭа иацы иҟалаз? Шәышықәса иреиҳау аҭәаҵла ашьапы иаакәыршаны хьархьла иԥҟоуп. Еиқәхо-еиқәымхо еилкаам…

Абри аҩыза абри аҭыԥан знапы иазыруз Аԥсны шиҭахым дыруп, аха ихгьы иҭахымзаап.

🧡 Ахьыуардын шәақәтәа
Please open Telegram to view this post
VIEW IN TELEGRAM
😢12🤬5🙏4🤯2💔1
Ахьыуардын
Џьаҳаным ицараны иҟоу, иҭыԥ заанаҵ ирхиоит. Уаҳа иахыуҳәаауеи Лыхнашҭа иацы иҟалаз? Шәышықәса иреиҳау аҭәаҵла ашьапы иаакәыршаны хьархьла иԥҟоуп. Еиқәхо-еиқәымхо еилкаам… Абри аҩыза абри аҭыԥан знапы иазыруз Аԥсны шиҭахым дыруп, аха ихгьы иҭахымзаап. …
This media is not supported in your browser
VIEW IN TELEGRAM
Лыхнашҭа шьыжь аахыс ауаа ргәы рымахьха аизара иаҿуп. Аԥҟарсҭақәа ианеиҵоу 15 сантиметра иҵаулоуп, иҟоуп 20 рҟынӡа иахьынаӡогьы... Аҵла рыцҳа еиха хыцла еибадыркит, икамҳарц.

Абас агәнаҳа ҟазҵаз мшаԥшара абара зцәымӷу аӡә иакәхап. Аԥсабара ихәамгеит, аҭоурых даӷрагылеит. Ажәлар гәжәажәоит: зыжәҩа ҭҟьаз аӡә иакәзаргьы дыԥшаатәуп, мамзар зегьы иҳанахоит ҳәа.

🧡 Ахьыуардын шәақәтәа
Please open Telegram to view this post
VIEW IN TELEGRAM
😢10🙏5👍2
Media is too big
VIEW IN TELEGRAM
Ас иауӡом!

Ацәгьауаҩ мчыбжьык-жәамш рыла даныԥшаамха, ма ихала ихы анрыимҭа, аус аԥсуаҵасала амҩа иқәҵахоит – ҳәа аныхаԥааҩцәа ражәа ауаа ирылеиҳәеит Лыхны ақыҭа Абыргцәа рхеилак аиҳабы Валикәа Габечиа.

Ицәажәара шеибгоу иааҳгоит, аԥсуаа ражәаҳәаратә ҟазара аганахьала аинтерес аҵоуп.

🧡 Ахьыуардын шәақәтәа
Please open Telegram to view this post
VIEW IN TELEGRAM
👍183👏3
This media is not supported in your browser
VIEW IN TELEGRAM
"Ианҳаҳа ауха ҳамырцәаӡеит дадраа, уачамчыратәи аныхаԥааҩ абра дгылоуп, тҟәарчалтәи а-Харчлаагьы абра дгылоуп" – Борис Қәҭелиа.

Ашәаԥыџьаԥ реихаҳашьа, реиҵааӡашьа здыруа абаҳчааӡацәа, аекологцәа, Аҟәантә иааз аҵарауаҩ Сергеи Бебиа уҳәа рыхшыҩ еилаҵаны, аҵла узлахәаша ҳәа акрыҟазар иагырмыжьит. Еиқәхарашашәа агәыӷра ҳарҭоит, ус акәхондаз! Ҩымз рыла еилкаахоит.

Аҭәаҵлақәа бжьаратәла 400-600 шықәса нырҵоит, иҟоуп зқьышықәсанӡа ианнеиуагьы🌳

🧡 Ахьыуардын шәақәтәа
Please open Telegram to view this post
VIEW IN TELEGRAM
🙏172
Ахьыуардын
"Ианҳаҳа ауха ҳамырцәаӡеит дадраа, уачамчыратәи аныхаԥааҩ абра дгылоуп, тҟәарчалтәи а-Харчлаагьы абра дгылоуп" – Борис Қәҭелиа. Ашәаԥыџьаԥ реихаҳашьа, реиҵааӡашьа здыруа абаҳчааӡацәа, аекологцәа, Аҟәантә иааз аҵарауаҩ Сергеи Бебиа уҳәа рыхшыҩ еилаҵаны, аҵла…
Борис Қәҭелиа иныҳәара:

"Анцәа абас сиҳәоит, Шьарда Зымчу. Ҳныха ԥшьақәа рымчала, Шьашәы-Ахьаҳду ҳабжьныха ирхылаԥшуа имчала, Анан-Ахьаҳкәажә лаша ҳаԥсадгьыл Аԥсынтәыла иахылаԥшуа, абри жәҩан иҟоу аԥсыцқьақәа зегь рымчала, ари еиқәхароуп!"

Амин🙏🏻

🧡 Ахьыуардын шәақәтәа
Please open Telegram to view this post
VIEW IN TELEGRAM
🙏165
Аԥсуаа ирымазаарын "Аҭәаҵла ныҳәара" ҳәа! Апоетесса Белла Барцыцԥҳа ажәеинраала азылкхьеит. Лаб ари аныҳәара шыҟаиҵоз дахаануп, аҭәаҵла ахьӡ аниҳәоз дахаҵгылон.

Ижәдыруеит, Белла Барцыцԥҳа шықәсырацәала асаӡ ҳәамҭақәа реидкылара дшаҿу, зыӡбахә ҳамоу ажәеинраала епиграфс иаалгоит урҭ руак:

"Аԥхьарца аҟаҵашьа уԥа иурҵаанӡа, зны илааӡатәуп иара злырхуа Аҭәаҵла абхьӡык еиԥш ҳаҭыр ақәҵашьа, акы ыҵҩаар хԥа шеиҭаҳатәу, еихак шадмырбо. "Аҭәаҵла ныҳәара" – ари ҳажәлар рашәақәа реихаҳара иадыргоуп".

🧡 Ахьыуардын шәақәтәа
Please open Telegram to view this post
VIEW IN TELEGRAM
👍225
Аԥхьарца атәы анаҳҳәа, шәаԥхьарц ишәыдаагалоит Хьымца Хынҭәба иҭоурых.

Ҳажәлар ҿаԥыцла еимырдоз адоуҳатә традициа далааӡаны, уи арахәыц ԥымҵәакәа ҳара ҳҟынӡа иаазгаз аҟаза.

Иара иблала ибахьан бзыԥаа рҿы аԥхьарца азырҳәоз аҭаҳмадацәа, ажәабжьҳәацәа дуқәа Шаҷ Чыкәбар, Гьерзмаа Џьгәаҭ (Хьыбла Гьерзмаа лабду), Гәынба Алиас (Адгәыр Гәынба иабду), Сақаниа Маадан уҳәа ирацәаҩны.

🧡 Ахьыуардын шәақәтәа
Please open Telegram to view this post
VIEW IN TELEGRAM
👍142
Аииа-абаииа ааит!🌼

Мшаԥныҳәа мчыбжьык шагу амҽышаҽны аԥсуаа (иахьанӡа абжьыуаа иҟарҵоит) абаииа ашәҭқәа ҟәшәаны аҩны иҩнарԥсон, нас кәтаӷьк ыркәымпылуа, аҩнаргәы хынтә иакәыршаны, иҷышәны, аџьар асахьа анҵаны ирҵәахуан.

Акы, уи иаҳа иӷәӷәахоит ҳәа ԥхьаӡан, ҩбагьы, "Акәтаӷь агәы шҭәу еиԥш ҳаԥсҭазаара ҭәааит!" ҳәа аанагон.

Ари акәҭаӷь амшаԥкәҭагьқәа ирыцыршәуеит.

🧡 Ахьыуардын шәақәтәа
Please open Telegram to view this post
VIEW IN TELEGRAM
😍12👍43
⛪️Аныҳәа аҭоурых

Аныҳәа Иаса Қьырса Иерусалим иҭалара амш иазкуп. Усҟан ажәлар аҳ иеиԥш иԥылон, "Осанна" (ҳаиқәырха) ҳәа еиқәҿыҭуа (уи аԥхьа Лазар дыбзеитәхьан), дахьиасуаз рымаҭәа ршәыхны икаршәуа, апальма махәқәа шьҭаԥсо. Апальма амахә бырзеншәала "ваии" ахьӡуп. Ари амш IV ашәышықәсазы ныҳәаны ишьақәгылеит.

Иарбан динзаалак иара ашьапы ахьакыз, иахьыҿио ахатә ԥҟарақәа амоуп, аха уи аҳәаақәа ианырҭыслак, зҿы инеиз ажәлар ирнаалаша рхатә ҷыдарақәа шьҭнахуеит. Аԥсуаа ҳҿгьы убас иҟалеит, ҳәа аҭоурых даҳзалацәажәеит Аԥсуаҭҵааратә институт адиректор Арда Ашәба.

Абраҟа иазгәаҭатәуп, Аԥсны аԥхьа ишәҭуа аҳәаса, ма атама рыхьӡ акәӡам аныҳәа иахылаз, адгьыл иқәиаауа, иԥшӡаӡа иҟоу ааԥын шәҭқәа ракәхеит "Аииа-абаииа". Арда Ашәба ишиҳәо ала, ус зыҟалаз аԥсуаа наџьнатә аахыс ақыҭа ԥсҭазаара, адгьыл ҳахьадҳәалоу азоуп☘️🌼

🧡 Ахьыуардын шәақәтәа
Please open Telegram to view this post
VIEW IN TELEGRAM
👍15
Абаииа нас иабаргоз?

Амшаԥышәҭ (абаииа) акәтаӷь ыларбылгьаны ианалгалак ашьҭахь иаразнак ишьҭырхуамызт, иркәаҳауан. Амчра амоуп, зшьапы ылазыргыло ихәоит ҳәа иԥхьаӡан. Аҭаацәара иалаларатәы иҟаз аҷкәын-аӡӷаб иргәыдрыԥсалон амшра рзаанагарц. Хшара дзаураны иҟаз аҭаца илықәрыԥсон "Хьаада-баада аҿиарамҩа банылааит, бманшәалахааит!" ҳәа.

Уи ашьҭахьгьы икарыжьуамызт, ирҵәахуан, асар, аӡар, аҳәарақәа, аҽҵарақәа ирықәрыԥсон амшра ацуп, цәгьара рзаанагом ҳәа. Арахә еимгәаз ирдыдны, ахәы анарҭоз иаларҵон иманшәалахарц, хьаралагьы ибзиахарц, алаԥш амысырц.

Ааԥын хьшәашәараны абаииа мышәҭыцзар, ашыцгьы ааргон. Асаби данилак гәабанс имаз, ауаҩы идунеи аниԥсахуагьы иҵарҵоз ашыц аҩны ааигәа иҟан, агәашә аԥхьа еиҭарҳауан, згәы цқьамкәа иааиуа ауаҩы, аиаҵәара-ашыцра дагәылсны дахьцо имчра бааԥсы ихнахуеит ҳәа агәра ргон.

🧡 Ахьыуардын шәақәтәа
Please open Telegram to view this post
VIEW IN TELEGRAM
👍184
Аԥсны Жәлар рартист Фазлыбеи Ҟәыруа диижьҭеи иахьа 85 шықәса ҵит.

Аԥсуа кәашаҩы, ахореограф, Аҳәынҭқарратә ашәаҳәареи акәашареи рансамбль абалетмеистер хада, дхәыҷаахыс абаҩхатәра шилаз ааԥшит. Афеиԥш даацәырҟьон, дықәԥраауа данаақәлоз убла хикуан, иҽеилаҳәашьа, икәашашьа, ицәырҵшьа – ихәаԥшуаз диршанхо аҟынӡа.

Ԥсабарала абас абаҩхатәра зшьа иалоу акәашацәа рзы Алықьса Гогәуа иҳәахьеит аҟазара рымаҵ ауеит ҳәа. Егьыс изгәаԥханы зҽазыҟаҵо изҵаз – урҭ дара аҟазара амаҵ руеит. Еиӷьу-еицәоу ҳәа акәым, арҭ ауаа угәаҿы ишаанхо еиԥшӡам.

Фазлыбеи Ҟәыруа асценаҿ адагьы аԥсҭазаараҿы даара еиҿкааз, ламыс злаз уаҩын, данаауԥыло дцырцыруа, ииҳәо идыруа, ииуа идыуа еилыхха иҟаз ԥсыуа хаҵан.

Аԥсуа хореографиа иалеигалеит "Ҟамала акәашара" (Танец с кинжалами), "Аџьаус акәашара" (Абхазская трудовая), "Ачара кәашара" (Свадебный перепляс). 2005 шықәсазы Ахьӡ-Аԥша аорден III аҩаӡара ианашьан.

🧡 Ахьыуардын шәақәтәа
Please open Telegram to view this post
VIEW IN TELEGRAM
👍174
Абызшәа ианакәызаалак изҳәо раасҭа иҟәышуп. Иарбан бызшәазаалак. Ус ишоуп. Аԥсшәа ҳгозар, ажәлар ирҳәамҭаны иаҳҭынхеит абас еиԥш аформулақәа: "Ажәытәан аԥсшәа амҵәыжәҩа аман иԥырхьеит", "Аԥсшәа адунеи иақәлоуп" ҳәа.

Ҳажәақәа рҵакқәа ургәылаԥшуа уҿааухар уи агәра угоит. Еснагь иџьоушьоит, еснагь иҿыцу акы узаатуеит, ашьцылашьа амаӡам. Убас иаҳзыҟалеит иахьа еилҳарго ажәагьы.

🧩Ажәахырҿиаара

А́мцхә
– излишек, избыток, больше положенного

Ари ажәа ҩ-шьаҭак реилаларала ишьақәгылеит: амц’ (ложь) + ахәы́ (доля), "ложная (неправильная) доля"

Амцхә суҭеит, амцхә иҳәеит, амцҳә ржәит – аҽынкылара злаз, ақәнага здыруаз аԥсуаа иџьашьатәӡам рбызшәа абас ажәа ахьалоу, ус ихәыцуан!

🔸Инамцхәны бзиа еибабаз, аҩсҭаа иеилихуеит. Тех, кто слишком сильно друг друга полюбит, дьявол разнимет.

🔸Аԥсшәа мыцхә аӷьра иаҩызоуп. Быть излишне учтивым все равно, что нагрубить.

Асахьа зааҳгаз аҩыжәраҿы ахамырҟьара ҳдыруан ҳәа ауп🍷

🧡 Ахьыуардын шәақәтәа
Please open Telegram to view this post
VIEW IN TELEGRAM
👍113
Лыхнашҭа иԥырҟаз аҭәаҵла 147 шықәса ахыҵуеит!🌳

Ақәра аилкаара илшеит академик Сергеи Бебиа, уа даныҟаз аҽны парпантала иҭигаз аматериал ҭҵааны. Ари иҳанаҳәо акоуп, иннаҵраны иҟаз абжагьы имнеицт (400-600 шықәса).

Аҵарауаҩ иажәақәа рыла, аҵла зықәгылоу адгьыл иаразы ичашәроуп, иахәҭоу аминералқәа зегь алоуп, ааигәа-сигәа иаԥырхагахо ҳәа ҵиаа ыҟам, амра ашырагьы азхара аиуеит, уи аҟнытә ибзианы иазҳаит.

Ашьапы агәҭаӡа ҩ-метрак инареиҳауп, ашәпара иаакәыршаны 6,3 метра инаӡоит, аҳаракыра – 19 метра. Ныхачаԥоуп ҳәа азызҳәаз лхаа иҵабыргны ирҳәоит.

🧡 Ахьыуардын шәақәтәа
Please open Telegram to view this post
VIEW IN TELEGRAM
👍19
Аӡә иусура мар амам, ауаа жәпа русура мар амоуп.

Пицунда-Мысратәи аҳәырԥсарра ахылаԥшцәа раԥшьгарала, иҳаҩсыз аԥсшьарамшқәа рзы шәҩыуаак пицундаа, лӡаа ааивагыланы ауаҩ имшала аԥсабара иалахаз агәам-сам еизыргеит. Арыцқьара ахьымҩаԥыргаз аҭыԥан ашыц еиҭеиуеит ҳәа иаҿуп.

Ҩынҩажәа кьыла зкуа асакьқәа 200 дырҭәит! Аха ари аус зныкала узылго акакәым, даҽа ҩынтә-хынтә абас ҳаизароуп рҳәеит.

Ирымаҳарҽхәоит!

🧡 Ахьыуардын шәақәтәа
Please open Telegram to view this post
VIEW IN TELEGRAM
Please open Telegram to view this post
VIEW IN TELEGRAM
👍13🔥1
Ҳара ҳ-Мысра иаанаго "Египет" аума?

🔎Атопонимика

Гәдоуҭа араион амшын иаҿықәу ақыҭа Мысра ахьӡ Египет (Мсыр) иадырҳәалоит. Ажәлар ретимологиала, ус ҟалеит аҟәара аԥслымӡ ахьықәу азы (Мсыр асакарақәа ирҿыԥшны). Аҭоурыхҭҵааҩ Руслан Гәажәба игәаанагарала, Мсырынтә ӷбала иманшәаланы изааз аԥсуаа ахьҿықәгылаз аҭыԥ ус ахьӡырҵеит.

Аха иҟоуп даҽакала ихәыцуа абызшәадырцәа. Ҳаицахәаԥшып. Мысра́ – аԥсышәоуп, бзыԥтәи адиалект иатәуп, ишәышәуа-ишышуа аспирант -с’ алоуп. Мсыр – ааскьатәи египтаа рыхьӡ, иалоу иаабац ауп. Ус анакәха, иахьатәи Мысреи Мсыри еигәыцхәӡам. Ҳгәанала, атәыла ахьӡ Мсыр аԥсшәа иалалеит аҭырқәшәа аҟынтә Misir, амсырқьаад аҿы иаҳԥылогьы иароуп – папирус (букв.: египетская бумага).

Иҳанаҳәозеи нас Мысра? (Иагьӡиасуп, иагьҭыԥхьӡуп). Хәыхәыт Бӷажәба ишиҩуаз ала, Мсаа/Мсыраа ҳәа иахьанӡа еиқәымхаз жәлазар ҟаларын, мамзаргьы еимашьҭран (миссимиане). Ари агәаанагара дадгылоуп Валери Кәарҷиа, иара иааигоит ашәуаа рҿы иаҳԥыло аҭыԥхьыӡқәа Мсыраа рқыҭ, Мсыр икәара, Мсыр игәаҩара.

Шьалуа Инал-иԥа аԥсуаа ранторопонимиа иазку ишәҟәаҿы иааигоит Мысыр-иԥа ҳәа ажәлагьы. (Мсырк арахь дааны, уи иԥацәа ҳәа ажәла царызма?)

🧡 Ахьыуардын шәақәтәа
Please open Telegram to view this post
VIEW IN TELEGRAM
👍9
Ахьыуардын
Ҳара ҳ-Мысра иаанаго "Египет" аума? 🔎Атопонимика Гәдоуҭа араион амшын иаҿықәу ақыҭа Мысра ахьӡ Египет (Мсыр) иадырҳәалоит. Ажәлар ретимологиала, ус ҟалеит аҟәара аԥслымӡ ахьықәу азы (Мсыр асакарақәа ирҿыԥшны). Аҭоурыхҭҵааҩ Руслан Гәажәба игәаанагарала, Мсырынтә…
Ҳәара аҭахым, ажәытәӡатәи аамҭақәа рзы аԥсуаа ҳазхылҵыз рхыԥша андууз, Мсырынӡагьы инаӡон🏝

Абри аганахьала аинтерес аҵоуп Египет уаанӡатәи ахьӡ "Кемеҭ" (Черная страна), иаҿшәырԥш аԥсшәа иалоу ажәа "акааме́ҭ" (светопреставление, нечто ужасное), ҭырқәшәалагьы иаанаго уи ауп.

Аԥсшәеи амсыр бызшәеи реиҿырԥшрақәа инарҭбааны дазааҭгылоит Рабсҭан Агрба. Атема аинтерес змоу шәзы, абра иҟоуп»
Please open Telegram to view this post
VIEW IN TELEGRAM
👍12
Самырзаҟанаа 150 гектар адгьыл рцәаӷәахьеит. Аԥаса хәы ыӡӡом ҳәа, анхара иалагеит амшқәа макьана ишышьақәымгылацгьы.

Ааԥын аиҩшамҭа аԥсуаа рҿы есхьар ҳәа иашьҭоуп (время ежегодного отела). Ари аамҭа иазку, аарыхра иадҳәалоу жәлар разгәаҭарақәа аалгоит Есма Ҭодуаԥҳа лыстатиаҿы:

🟠Ааԥын аԥсҭҳәа ахчылара хҭанакыр, ашәыр ҟалом, ишәҭыз абылуеит.

🟠Аҽаҩрадаӷьқәа анырацәоу – аарыхра ҟалоит, дара мшуп.

🟠Ашышкамс адгьылаҿ ианырацәоу ашықәсан, насгьы иахьырацәоу аҭыԥаҿ аарыхра ҟалоит.

🟠Арҵәыра хәаци ашышкамси рацәаны иахьамоу ҽаҩра дгьылуп.

🟠Дгьылс иҟоу жәҩануп: адгьыл бзиа еиԥшҵәҟьа, ианраамҭоу ақәеи амреигьы аарыхра ҟарҵоит.

🧡 Ахьыуардын шәақәтәа
Please open Telegram to view this post
VIEW IN TELEGRAM
👍11
Ахьыуардын
Лыхнашҭа иԥырҟаз аҭәаҵла 147 шықәса ахыҵуеит!🌳 Ақәра аилкаара илшеит академик Сергеи Бебиа, уа даныҟаз аҽны парпантала иҭигаз аматериал ҭҵааны. Ари иҳанаҳәо акоуп, иннаҵраны иҟаз абжагьы имнеицт (400-600 шықәса). Аҵарауаҩ иажәақәа рыла, аҵла зықәгылоу адгьыл…
Ариабжьарак ҳала ҭраа ҳазхәаԥшуа Лыхнашҭатәи аҭәаҵла ԥызҟаз ҳәа агәҩара зызрымоу ҩыџьа аанкылоуп. Рыхьӡ дмырӡеит, аха аҩыџьагь Аԥсны атәылауаа роуп.

Абри азы аҳәамҭа ҟаиҵеит Аԥсны ашәарҭадаратә хеилак ахантәаҩы Роберт Кьиут.

🧡 Ахьыуардын шәақәтәа
Please open Telegram to view this post
VIEW IN TELEGRAM
👍14
Инаԥгылаз зегьы ццышәха илашьҭуа, ажәҩани адгьыли рцәа-ржьы ахьеидыҵәҟьаз ибжьаларц иаҿын амра🌅 (Алықьса Џьниа)

🧡 Ахьыуардын шәақәтәа
Please open Telegram to view this post
VIEW IN TELEGRAM
😍10👍63
Ауаҩ акосмос ахь дыԥриижьҭеи 62 шықәса ҵит👩‍🚀🌠

Ажәытә аԥсуаа ари ахҭыс азы "ажәҩан кылырҵәеит" рҳәон🚀

Иацтәи ҳанҵамҭак аҵаҟа ҳалацәажәон акометақәа рыӡбахә. Иаҳҳәеит ажәа "комета" шаауа ажәытә-бырзен бызшәаҟынтә κομήτης (komḗtēs) – "волосатый", "косматый"☄️ Аԥсышәалагьы ахьӡқәа амазаап: Иаҵәаҵыхәашкәакәа, Иаҵәаҵыхәа баба, Иаҵәакаҳә – ианҵоуп ашәуаа-ашьхарыуаа рҿы. Аметеорит азы икашәуа аиаҵәа рҳәоит.

Ашәуа ииаҵәа ҳәа ашәуаа рхаҭақәа зышьҭоу Сириус ауп;
Иаҵәа быжьҩеишьцәа – Большая медведица;
Иаҵәа быжьҩаишьцәа рахшьа-заҵәык, ма Ажәҩанд ҵәымыӷ – Полярная звезда;
Ԥсынчы – Орион;
Иаҵәаџьараа – Стожары;
Иаҵәаш, Шарԥны иаҵәа – Венера.

Иааҳгоит Руслан Гәажәба иматериалқәа рҟынтә.

🧡 Ахьыуардын шәақәтәа
Please open Telegram to view this post
VIEW IN TELEGRAM
👍16