Аҟәатәи 10-тәи ашьхарыуаа рышкол 160 шықәса ахыҵит, урҭ рахьтә шәышықәса – Нестор Лакәаба ихьӡ ахуп.
Аҭоурых ду змоу аҵара ахәышҭаара шаадыртуаз, хықәкыс иамаз, аԥсуа хәыҷқәеи арахь иаарышьҭыз арҵаҩцәеи аԥхьа рбызшәа шеибамкуаз уҳәа атәы инарҭбааны шәаԥхьар шәылшоит абра»
🧡 Ахьыуардын шәақәтәа

Please open Telegram to view this post
VIEW IN TELEGRAM
Sputnik Абхазия
Из истории Горской школы
О том, кто и с какой целью в 1863 году открывал Горскую школу, читайте в материале Арифы Капба.
👍14
Аҷынҷа – уажәааны иҷырҷыруа ҳгәы ҟазҵо ҵыс ссоуп, абаӷыр аасҭа ҩынтә еиҵоуп, аура 10 см иреиҳаӡам, ампыл хәыҷ еиԥш ихыгьежьааӡа иҟоуп. Абас ишыхәыҷугьы ашьапқәа ӷәӷәоуп, абжьы дууп, иҵаруп. Аԥсара, абна цәаакырақәа бзиа иабоит.
Арбаӷь ахџыџ инықәтәаны аҽаариашаны ишәаҳәоит, ианалгалак абардра инылашәкәоит. Артист иқәгылара хыркәшаны асцена дшықәҵуа еиԥш. Игәазырҳагоуп аԥсабара ашьклаԥшра!😍
#аԥсаатәқәа
🧡 Ахьыуардын шәақәтәа
Арбаӷь ахџыџ инықәтәаны аҽаариашаны ишәаҳәоит, ианалгалак абардра инылашәкәоит. Артист иқәгылара хыркәшаны асцена дшықәҵуа еиԥш. Игәазырҳагоуп аԥсабара ашьклаԥшра!
#аԥсаатәқәа
Please open Telegram to view this post
VIEW IN TELEGRAM
👍19❤2
🏞Аӡиа Мзы иахьӡыҵәҟьоу Мзым ма Мзы́мна ауп, иаҳԥылеит ашьхаҭыԥқәа ирызку Таҷ Гыцба ишәҟәаҿы, вариантқәас иамоуп: Мӡиа, Мзымҭа. Шәача иҟоу Мӡымҭа аӡиасгьы аԥсышәоуп.
"Мӡы" аауеит ахҵәарақәа ҟалаанӡа Мӡымҭа, Ԥсоу, Бзыԥ аԥсҭақәа ҭырцәажәаауа, аӷьараҳәа иҟаз мӡаа/мдаа/мдаҩеиаа рҟынтә. Абри азеиԥш хьӡы еиднакылон ажәытәӡа Мды Маршьан аҳас дызмаз, ашьхарԥқәа ҭырҭәааны инхоз аҳҷыԥсаа, аибӷаа, ԥсҳәаа, цәжьаа. Аҳ ихьӡ патронимс ирхылеит ҳәа иҩуеит Денис Чачхалиа истатиа "К истории Красной поляны и ее окрестностей" аҟны. Хәыхәыт Бӷажәба игәаанагарала, мӡ'ымаа мсымаа роуп (миссимиане).
Риҵа хәыҷы иҟалап, аурысшәаҟынтә еиҭагазар, аԥсышәала "Риҵа рыџь" ҳәа иашьҭоуп, даара аинтерес аҵоуп.
Арҭ усгьы ижәдырп, аха иҟазааит:
Цәҳәы́на аӡыжь – Голубое озеро, иахагылоу ацаҟьа Цәҳәына ахьӡуп, уантә иаауеит, даҽакала "Аӡи́қәа" ҳәагьы азырҳәоит.
Аны́шьхҵара – озеро Инкит (букв.: спускание лодок на воду). Есышықәса апараканоистцәа рҽазыҟаҵарақәа ахьмҩаԥыргало, издыруада, ажәытә аамҭақәа рзы аԥсуаа рыҷкәынцәагьы абра анышь иадыршьцылозҭгьы... Иҭҵаам аӷба аԥҽыхақәа ҭажьуп.

👍11🔥2
Аҳәаса, аҳәаса,
Ушәҭит, ушәҭы.
Илашеит, илаша,
Угәыхәтәы, угәыхәтәы.
Уахык маӡала,
Ҳаҽӡаны, ҳаҽӡаны,
Ҳанузааи ҵыхла,
Ҳаизгәыкны, уара уҟны...
Ҳанузааи, угәра га,
Иаҳхьумырсын блакы.
Аҳәаса, ҳаибарба,
Ухаҵкы, ухаҵкы!
(Анатоли Лагәлаа)
🧡 Ахьыуардын шәақәтәа
Ушәҭит, ушәҭы.
Илашеит, илаша,
Угәыхәтәы, угәыхәтәы.
Уахык маӡала,
Ҳаҽӡаны, ҳаҽӡаны,
Ҳанузааи ҵыхла,
Ҳаизгәыкны, уара уҟны...
Ҳанузааи, угәра га,
Иаҳхьумырсын блакы.
Аҳәаса, ҳаибарба,
Ухаҵкы, ухаҵкы!
(Анатоли Лагәлаа)
Please open Telegram to view this post
VIEW IN TELEGRAM
👍9🥰4❤3
Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа 60 шықәса ихыҵит.
Жәларык зхьыԥшу аԥыза агәабзиареи аԥсынҵра дуи изеиӷьаҳшьоит. Иҟаҵоу рацәоуп, шаҟа ҟаҵатәузеи! Иахьа дызҿу аҳәынҭқарра аусқәа ҳаԥхьаҟа иаҳԥыло, имицгьы рразҟы ҭанаԥсо аихьӡарақәа имазааит.
Ари аканал зызку абызшәоуп. Убри аҟнытә иҳамҳәар ауам: Аԥсны ахәбатәи ахада иаԥсшәа ԥшӡоуп, ибеиоуп, иажәаҳәа ҭбаауп, иаурысшәагьы – убас. Иарбан темазаалак ҩ-бызшәак рыла еиҟараны изахцәажәо аполитикцәа усҟак иагьырацәам, аиашаз. Уи аганахьала макьана ҳааишьа бзиоуп (ахадацәа рыла).
Уазхәыцыр, шәышықәса раахыс Аԥсны иахагылоу, ԥхьаҟа изго анхацәа цқьақәа рыҷкәынцәа роуп. Иахьаҟарагьы ажәлар рхы иақәиҭны ианбаҟаз? Абас амч рыманы "уҳаԥыза" ҳәа иалырхуа ауаҩы акыр еивызбо, хара иԥшуа аҟәыш иакәзароуп, ҳәарада. Егьырахь, ҳаидгыланаҵ ҳԥеиԥш лаша ҳнапы иануп.

👍11🔥3🥱2
Аслан Гьаргь-иԥа макьана дыҷкәыноуп уҳәар ауеит, иара иабду – Аԥсны еицырдыруаз ажәабжьҳәаҩ Ашьҳангьери Бжьаниа, ишырҳәо ала 147 шықәса ниҵит! Игәашьамх ӷәӷәаны, ихшыҩ еибганы аԥсуа қәра неигеит.
Аҵарауаҩ Гьаргь Ӡиӡариа абырг даниҿцәажәоз, иҳаҩсыз ашәышықәсазы аԥсшәа иацәыӡхьаз ажәақәак аниҵеит:
🟠 Акаԥа – аԥра зхагылоу ашхәа, афлыка ҳәа ззаҳҳәо (фелюга);
🟠 Аиқаԥра – аимак (распря);
🟠 "Аԥсны адамыӷа анызҵа, дад, Дырмит Гәлиа иоп. Жәлары дрылҵт, жәлары дрышьаҟахт. Уи иоп рацхьа жәлар аҵара рылазгала".
Адамыӷа – "аҩыратә дырга" аҵакала ихы иаирхәеит, издыруада ажәытәан ари ажәа апиктографиа иаваҟәылозҭгьы аԥсуаа ҳҿы (ажәытәӡатәи аҩыратә форма), иахьа "тамга, клеймо; позор" аанагоит.
🟠 "Аиашеи ахәахәеи, амци аҵабырги маҿакоуп ирыбжьоу".
Асахьаҿы – Ашьҳангьери Бжьаниа, Тамшь ақыҭа 1946 шықәса.
🧡 Ахьыуардын шәақәтәа
Аҵарауаҩ Гьаргь Ӡиӡариа абырг даниҿцәажәоз, иҳаҩсыз ашәышықәсазы аԥсшәа иацәыӡхьаз ажәақәак аниҵеит:
Адамыӷа – "аҩыратә дырга" аҵакала ихы иаирхәеит, издыруада ажәытәан ари ажәа апиктографиа иаваҟәылозҭгьы аԥсуаа ҳҿы (ажәытәӡатәи аҩыратә форма), иахьа "тамга, клеймо; позор" аанагоит.
Асахьаҿы – Ашьҳангьери Бжьаниа, Тамшь ақыҭа 1946 шықәса.
Please open Telegram to view this post
VIEW IN TELEGRAM
👍9🔥2
This media is not supported in your browser
VIEW IN TELEGRAM
Аахыҵ Уаԥстәыла хьыӡла-ԥшала Аԥсуа культура амшқәа мҩаԥысуеит.
Уа иҟоу ҳартистцәа дрылоуп ашәаҳәаҩ, Аԥсуа драматә театр актриса Хьыбла Мықәԥҳа. Цхьынвалтәи ҳколлегацәа рааԥхьарала арадио Sputnik даҭаан, аефир аҿы дласӡа-дхааӡа "Сара саԥсуоуп" ҳәа лашәа налыгӡеит.
Ҳара уи ҳгәы ҟанаҵеит👏
Авидео © @SputnikOssetia

Ҳара уи ҳгәы ҟанаҵеит
Авидео © @SputnikOssetia
Please open Telegram to view this post
VIEW IN TELEGRAM
👍9🔥2
Ахьӡ – хьарԥшгоуп.
Аҩызцәа, арубрика ҿыц шәыдаагалоит, аԥсуа хьыӡқәа ирызку. Ҳканал ахьӡ излаҳаднаҵо ала, "ахьы" иахылҿиааз рыла ҳалагап😇 Ас иҟоу ахьӡқәа ажәлабзиареи, ахәшьара ҳараки, ажәытәан иҿианы иҳамаз ахьы акульти уи аԥшӡареи рныԥшуеит.
Анкьа ахәыҷқәа "ахьы хьыӡқәа" анырхырҵоз иҿырԥшыгахап, иреиӷьу аҟазшьақәа аархәап ҳәа ихәыцуан, убри анахыс ачымазарақәеи алаԥш цәгьеи рыҟәнагоит ҳәа иԥхьаӡан. Ҭауади-аамсҭеи рыхьӡқәагьы инарывадыргылон: Ахьы Зосҳан, Ахьы Чачхан, Ахьы Шабаҭ...
Ахьы злоу ахьыӡқәа акыр ирацәоуп, асиа еиқәлыршәахьан абызшәадырҩы Валентина Амҷԥҳа. Ара иааҳгаз ахәҭак роуп, аҿыц ԥсҭазаара рыҭара иаԥсоуп ҳәа иаҳаԥхьаӡо. Хьы́мца, Хьа́рԥыс, Хьы́нап – акала иҟәнушьартә иҟам ҳгәанала.
#ахьӡқәа
🧡 Ахьыуардын шәақәтәа
Аҩызцәа, арубрика ҿыц шәыдаагалоит, аԥсуа хьыӡқәа ирызку. Ҳканал ахьӡ излаҳаднаҵо ала, "ахьы" иахылҿиааз рыла ҳалагап
Анкьа ахәыҷқәа "ахьы хьыӡқәа" анырхырҵоз иҿырԥшыгахап, иреиӷьу аҟазшьақәа аархәап ҳәа ихәыцуан, убри анахыс ачымазарақәеи алаԥш цәгьеи рыҟәнагоит ҳәа иԥхьаӡан. Ҭауади-аамсҭеи рыхьӡқәагьы инарывадыргылон: Ахьы Зосҳан, Ахьы Чачхан, Ахьы Шабаҭ...
Ахьы злоу ахьыӡқәа акыр ирацәоуп, асиа еиқәлыршәахьан абызшәадырҩы Валентина Амҷԥҳа. Ара иааҳгаз ахәҭак роуп, аҿыц ԥсҭазаара рыҭара иаԥсоуп ҳәа иаҳаԥхьаӡо. Хьы́мца, Хьа́рԥыс, Хьы́нап – акала иҟәнушьартә иҟам ҳгәанала.
#ахьӡқәа
Please open Telegram to view this post
VIEW IN TELEGRAM
👍9❤6
Џьаҳаным ицараны иҟоу, иҭыԥ заанаҵ ирхиоит.
Уаҳа иахыуҳәаауеи Лыхнашҭа иацы иҟалаз? Шәышықәса иреиҳау аҭәаҵла ашьапы иаакәыршаны хьархьла иԥҟоуп. Еиқәхо-еиқәымхо еилкаам…
Абри аҩыза абри аҭыԥан знапы иазыруз Аԥсны шиҭахым дыруп, аха ихгьы иҭахымзаап.
🧡 Ахьыуардын шәақәтәа
Уаҳа иахыуҳәаауеи Лыхнашҭа иацы иҟалаз? Шәышықәса иреиҳау аҭәаҵла ашьапы иаакәыршаны хьархьла иԥҟоуп. Еиқәхо-еиқәымхо еилкаам…
Абри аҩыза абри аҭыԥан знапы иазыруз Аԥсны шиҭахым дыруп, аха ихгьы иҭахымзаап.
Please open Telegram to view this post
VIEW IN TELEGRAM
😢12🤬5🙏4🤯2💔1
Ахьыуардын
Џьаҳаным ицараны иҟоу, иҭыԥ заанаҵ ирхиоит. Уаҳа иахыуҳәаауеи Лыхнашҭа иацы иҟалаз? Шәышықәса иреиҳау аҭәаҵла ашьапы иаакәыршаны хьархьла иԥҟоуп. Еиқәхо-еиқәымхо еилкаам… Абри аҩыза абри аҭыԥан знапы иазыруз Аԥсны шиҭахым дыруп, аха ихгьы иҭахымзаап. …
This media is not supported in your browser
VIEW IN TELEGRAM
Лыхнашҭа шьыжь аахыс ауаа ргәы рымахьха аизара иаҿуп. Аԥҟарсҭақәа ианеиҵоу 15 сантиметра иҵаулоуп, иҟоуп 20 рҟынӡа иахьынаӡогьы... Аҵла рыцҳа еиха хыцла еибадыркит, икамҳарц.
Абас агәнаҳа ҟазҵаз мшаԥшара абара зцәымӷу аӡә иакәхап. Аԥсабара ихәамгеит, аҭоурых даӷрагылеит. Ажәлар гәжәажәоит: зыжәҩа ҭҟьаз аӡә иакәзаргьы дыԥшаатәуп, мамзар зегьы иҳанахоит ҳәа.
🧡 Ахьыуардын шәақәтәа
Абас агәнаҳа ҟазҵаз мшаԥшара абара зцәымӷу аӡә иакәхап. Аԥсабара ихәамгеит, аҭоурых даӷрагылеит. Ажәлар гәжәажәоит: зыжәҩа ҭҟьаз аӡә иакәзаргьы дыԥшаатәуп, мамзар зегьы иҳанахоит ҳәа.
Please open Telegram to view this post
VIEW IN TELEGRAM
😢10🙏5👍2
Media is too big
VIEW IN TELEGRAM
Ас иауӡом!
Ацәгьауаҩ мчыбжьык-жәамш рыла даныԥшаамха, ма ихала ихы анрыимҭа, аус аԥсуаҵасала амҩа иқәҵахоит – ҳәа аныхаԥааҩцәа ражәа ауаа ирылеиҳәеит Лыхны ақыҭа Абыргцәа рхеилак аиҳабы Валикәа Габечиа.
Ицәажәара шеибгоу иааҳгоит, аԥсуаа ражәаҳәаратә ҟазара аганахьала аинтерес аҵоуп.

👍18❤3👏3
This media is not supported in your browser
VIEW IN TELEGRAM
"Ианҳаҳа ауха ҳамырцәаӡеит дадраа, уачамчыратәи аныхаԥааҩ абра дгылоуп, тҟәарчалтәи а-Харчлаагьы абра дгылоуп" – Борис Қәҭелиа.
Ашәаԥыџьаԥ реихаҳашьа, реиҵааӡашьа здыруа абаҳчааӡацәа, аекологцәа, Аҟәантә иааз аҵарауаҩ Сергеи Бебиа уҳәа рыхшыҩ еилаҵаны, аҵла узлахәаша ҳәа акрыҟазар иагырмыжьит. Еиқәхарашашәа агәыӷра ҳарҭоит, ус акәхондаз! Ҩымз рыла еилкаахоит.
Аҭәаҵлақәа бжьаратәла 400-600 шықәса нырҵоит, иҟоуп зқьышықәсанӡа ианнеиуагьы🌳
🧡 Ахьыуардын шәақәтәа
Ашәаԥыџьаԥ реихаҳашьа, реиҵааӡашьа здыруа абаҳчааӡацәа, аекологцәа, Аҟәантә иааз аҵарауаҩ Сергеи Бебиа уҳәа рыхшыҩ еилаҵаны, аҵла узлахәаша ҳәа акрыҟазар иагырмыжьит. Еиқәхарашашәа агәыӷра ҳарҭоит, ус акәхондаз! Ҩымз рыла еилкаахоит.
Аҭәаҵлақәа бжьаратәла 400-600 шықәса нырҵоит, иҟоуп зқьышықәсанӡа ианнеиуагьы🌳
Please open Telegram to view this post
VIEW IN TELEGRAM
🙏17❤2
Ахьыуардын
"Ианҳаҳа ауха ҳамырцәаӡеит дадраа, уачамчыратәи аныхаԥааҩ абра дгылоуп, тҟәарчалтәи а-Харчлаагьы абра дгылоуп" – Борис Қәҭелиа. Ашәаԥыџьаԥ реихаҳашьа, реиҵааӡашьа здыруа абаҳчааӡацәа, аекологцәа, Аҟәантә иааз аҵарауаҩ Сергеи Бебиа уҳәа рыхшыҩ еилаҵаны, аҵла…
Борис Қәҭелиа иныҳәара:
"Анцәа абас сиҳәоит, Шьарда Зымчу. Ҳныха ԥшьақәа рымчала, Шьашәы-Ахьаҳду ҳабжьныха ирхылаԥшуа имчала, Анан-Ахьаҳкәажә лаша ҳаԥсадгьыл Аԥсынтәыла иахылаԥшуа, абри жәҩан иҟоу аԥсыцқьақәа зегь рымчала, ари еиқәхароуп!"
Амин🙏🏻
🧡 Ахьыуардын шәақәтәа
"Анцәа абас сиҳәоит, Шьарда Зымчу. Ҳныха ԥшьақәа рымчала, Шьашәы-Ахьаҳду ҳабжьныха ирхылаԥшуа имчала, Анан-Ахьаҳкәажә лаша ҳаԥсадгьыл Аԥсынтәыла иахылаԥшуа, абри жәҩан иҟоу аԥсыцқьақәа зегь рымчала, ари еиқәхароуп!"
Амин🙏🏻
Please open Telegram to view this post
VIEW IN TELEGRAM
🙏16❤5
Аԥсуаа ирымазаарын "Аҭәаҵла ныҳәара" ҳәа! Апоетесса Белла Барцыцԥҳа ажәеинраала азылкхьеит. Лаб ари аныҳәара шыҟаиҵоз дахаануп, аҭәаҵла ахьӡ аниҳәоз дахаҵгылон.
Ижәдыруеит, Белла Барцыцԥҳа шықәсырацәала асаӡ ҳәамҭақәа реидкылара дшаҿу, зыӡбахә ҳамоу ажәеинраала епиграфс иаалгоит урҭ руак:
"Аԥхьарца аҟаҵашьа уԥа иурҵаанӡа, зны илааӡатәуп иара злырхуа Аҭәаҵла абхьӡык еиԥш ҳаҭыр ақәҵашьа, акы ыҵҩаар хԥа шеиҭаҳатәу, еихак шадмырбо. "Аҭәаҵла ныҳәара" – ари ҳажәлар рашәақәа реихаҳара иадыргоуп".
🧡 Ахьыуардын шәақәтәа
Ижәдыруеит, Белла Барцыцԥҳа шықәсырацәала асаӡ ҳәамҭақәа реидкылара дшаҿу, зыӡбахә ҳамоу ажәеинраала епиграфс иаалгоит урҭ руак:
"Аԥхьарца аҟаҵашьа уԥа иурҵаанӡа, зны илааӡатәуп иара злырхуа Аҭәаҵла абхьӡык еиԥш ҳаҭыр ақәҵашьа, акы ыҵҩаар хԥа шеиҭаҳатәу, еихак шадмырбо. "Аҭәаҵла ныҳәара" – ари ҳажәлар рашәақәа реихаҳара иадыргоуп".
Please open Telegram to view this post
VIEW IN TELEGRAM
👍22❤5
Аԥхьарца атәы анаҳҳәа, шәаԥхьарц ишәыдаагалоит Хьымца Хынҭәба иҭоурых.
Ҳажәлар ҿаԥыцла еимырдоз адоуҳатә традициа далааӡаны, уи арахәыц ԥымҵәакәа ҳара ҳҟынӡа иаазгаз аҟаза.
Иара иблала ибахьан бзыԥаа рҿы аԥхьарца азырҳәоз аҭаҳмадацәа, ажәабжьҳәацәа дуқәа Шаҷ Чыкәбар, Гьерзмаа Џьгәаҭ (Хьыбла Гьерзмаа лабду), Гәынба Алиас (Адгәыр Гәынба иабду), Сақаниа Маадан уҳәа ирацәаҩны.
🧡 Ахьыуардын шәақәтәа
Ҳажәлар ҿаԥыцла еимырдоз адоуҳатә традициа далааӡаны, уи арахәыц ԥымҵәакәа ҳара ҳҟынӡа иаазгаз аҟаза.
Иара иблала ибахьан бзыԥаа рҿы аԥхьарца азырҳәоз аҭаҳмадацәа, ажәабжьҳәацәа дуқәа Шаҷ Чыкәбар, Гьерзмаа Џьгәаҭ (Хьыбла Гьерзмаа лабду), Гәынба Алиас (Адгәыр Гәынба иабду), Сақаниа Маадан уҳәа ирацәаҩны.
Please open Telegram to view this post
VIEW IN TELEGRAM
Sputnik Аҧсны
Жәлар рмузыкатә ҟазара зшьа-зда иалаз арҿиаҩы: Хьымца Хынҭәба иҭоурых
Ааигәанӡа ажәлар рыҩнуҵҟа ахархәара рыман амузыкатә арҳәагақәа. Хәи шьхеи, каршәреи ирықәыҩуан урҭ рыбжьы. Убас, жәлар рарҳәагақәа азырҳәоз, ансамбльгьы еиҿкааны измаз, илаз абаҩхатәра аҽар ирымаздоз Аԥсны Зҽаԥсазтәыз артист Хьымца Хынҭәба...
👍14❤2
Аииа-абаииа ааит!🌼
Мшаԥныҳәа мчыбжьык шагу амҽышаҽны аԥсуаа (иахьанӡа абжьыуаа иҟарҵоит) абаииа ашәҭқәа ҟәшәаны аҩны иҩнарԥсон, нас кәтаӷьк ыркәымпылуа, аҩнаргәы хынтә иакәыршаны, иҷышәны, аџьар асахьа анҵаны ирҵәахуан.
Акы, уи иаҳа иӷәӷәахоит ҳәа ԥхьаӡан, ҩбагьы, "Акәтаӷь агәы шҭәу еиԥш ҳаԥсҭазаара ҭәааит!" ҳәа аанагон.
Ари акәҭаӷь амшаԥкәҭагьқәа ирыцыршәуеит.
🧡 Ахьыуардын шәақәтәа
Мшаԥныҳәа мчыбжьык шагу амҽышаҽны аԥсуаа (иахьанӡа абжьыуаа иҟарҵоит) абаииа ашәҭқәа ҟәшәаны аҩны иҩнарԥсон, нас кәтаӷьк ыркәымпылуа, аҩнаргәы хынтә иакәыршаны, иҷышәны, аџьар асахьа анҵаны ирҵәахуан.
Акы, уи иаҳа иӷәӷәахоит ҳәа ԥхьаӡан, ҩбагьы, "Акәтаӷь агәы шҭәу еиԥш ҳаԥсҭазаара ҭәааит!" ҳәа аанагон.
Ари акәҭаӷь амшаԥкәҭагьқәа ирыцыршәуеит.
Please open Telegram to view this post
VIEW IN TELEGRAM
😍12👍4❤3
Аныҳәа Иаса Қьырса Иерусалим иҭалара амш иазкуп. Усҟан ажәлар аҳ иеиԥш иԥылон, "Осанна" (ҳаиқәырха) ҳәа еиқәҿыҭуа (уи аԥхьа Лазар дыбзеитәхьан), дахьиасуаз рымаҭәа ршәыхны икаршәуа, апальма махәқәа шьҭаԥсо. Апальма амахә бырзеншәала "ваии" ахьӡуп. Ари амш IV ашәышықәсазы ныҳәаны ишьақәгылеит.
Иарбан динзаалак иара ашьапы ахьакыз, иахьыҿио ахатә ԥҟарақәа амоуп, аха уи аҳәаақәа ианырҭыслак, зҿы инеиз ажәлар ирнаалаша рхатә ҷыдарақәа шьҭнахуеит. Аԥсуаа ҳҿгьы убас иҟалеит, ҳәа аҭоурых даҳзалацәажәеит Аԥсуаҭҵааратә институт адиректор Арда Ашәба.
Абраҟа иазгәаҭатәуп, Аԥсны аԥхьа ишәҭуа аҳәаса, ма атама рыхьӡ акәӡам аныҳәа иахылаз, адгьыл иқәиаауа, иԥшӡаӡа иҟоу ааԥын шәҭқәа ракәхеит "Аииа-абаииа". Арда Ашәба ишиҳәо ала, ус зыҟалаз аԥсуаа наџьнатә аахыс ақыҭа ԥсҭазаара, адгьыл ҳахьадҳәалоу азоуп
Please open Telegram to view this post
VIEW IN TELEGRAM
👍15
Абаииа нас иабаргоз?
Амшаԥышәҭ (абаииа) акәтаӷь ыларбылгьаны ианалгалак ашьҭахь иаразнак ишьҭырхуамызт, иркәаҳауан. Амчра амоуп, зшьапы ылазыргыло ихәоит ҳәа иԥхьаӡан. Аҭаацәара иалаларатәы иҟаз аҷкәын-аӡӷаб иргәыдрыԥсалон амшра рзаанагарц. Хшара дзаураны иҟаз аҭаца илықәрыԥсон "Хьаада-баада аҿиарамҩа банылааит, бманшәалахааит!" ҳәа.
Уи ашьҭахьгьы икарыжьуамызт, ирҵәахуан, асар, аӡар, аҳәарақәа, аҽҵарақәа ирықәрыԥсон амшра ацуп, цәгьара рзаанагом ҳәа. Арахә еимгәаз ирдыдны, ахәы анарҭоз иаларҵон иманшәалахарц, хьаралагьы ибзиахарц, алаԥш амысырц.
Ааԥын хьшәашәараны абаииа мышәҭыцзар, ашыцгьы ааргон. Асаби данилак гәабанс имаз, ауаҩы идунеи аниԥсахуагьы иҵарҵоз ашыц аҩны ааигәа иҟан, агәашә аԥхьа еиҭарҳауан, згәы цқьамкәа иааиуа ауаҩы, аиаҵәара-ашыцра дагәылсны дахьцо имчра бааԥсы ихнахуеит ҳәа агәра ргон.

👍18❤4
Аԥсны Жәлар рартист Фазлыбеи Ҟәыруа диижьҭеи иахьа 85 шықәса ҵит.
Аԥсуа кәашаҩы, ахореограф, Аҳәынҭқарратә ашәаҳәареи акәашареи рансамбль абалетмеистер хада, дхәыҷаахыс абаҩхатәра шилаз ааԥшит. Афеиԥш даацәырҟьон, дықәԥраауа данаақәлоз убла хикуан, иҽеилаҳәашьа, икәашашьа, ицәырҵшьа – ихәаԥшуаз диршанхо аҟынӡа.
Ԥсабарала абас абаҩхатәра зшьа иалоу акәашацәа рзы Алықьса Гогәуа иҳәахьеит аҟазара рымаҵ ауеит ҳәа. Егьыс изгәаԥханы зҽазыҟаҵо изҵаз – урҭ дара аҟазара амаҵ руеит. Еиӷьу-еицәоу ҳәа акәым, арҭ ауаа угәаҿы ишаанхо еиԥшӡам.
Фазлыбеи Ҟәыруа асценаҿ адагьы аԥсҭазаараҿы даара еиҿкааз, ламыс злаз уаҩын, данаауԥыло дцырцыруа, ииҳәо идыруа, ииуа идыуа еилыхха иҟаз ԥсыуа хаҵан.
Аԥсуа хореографиа иалеигалеит "Ҟамала акәашара" (Танец с кинжалами), "Аџьаус акәашара" (Абхазская трудовая), "Ачара кәашара" (Свадебный перепляс). 2005 шықәсазы Ахьӡ-Аԥша аорден III аҩаӡара ианашьан.

👍17❤4
Абызшәа ианакәызаалак изҳәо раасҭа иҟәышуп. Иарбан бызшәазаалак. Ус ишоуп. Аԥсшәа ҳгозар, ажәлар ирҳәамҭаны иаҳҭынхеит абас еиԥш аформулақәа: "Ажәытәан аԥсшәа амҵәыжәҩа аман иԥырхьеит", "Аԥсшәа адунеи иақәлоуп" ҳәа.
Ҳажәақәа рҵакқәа ургәылаԥшуа уҿааухар уи агәра угоит. Еснагь иџьоушьоит, еснагь иҿыцу акы узаатуеит, ашьцылашьа амаӡам. Убас иаҳзыҟалеит иахьа еилҳарго ажәагьы.
🧩Ажәахырҿиаара
А́мцхә – излишек, избыток, больше положенного
Ари ажәа ҩ-шьаҭак реилаларала ишьақәгылеит: амц’ (ложь) + ахәы́ (доля), "ложная (неправильная) доля"
Амцхә суҭеит, амцхә иҳәеит, амцҳә ржәит – аҽынкылара злаз, ақәнага здыруаз аԥсуаа иџьашьатәӡам рбызшәа абас ажәа ахьалоу, ус ихәыцуан!
🔸Инамцхәны бзиа еибабаз, аҩсҭаа иеилихуеит. Тех, кто слишком сильно друг друга полюбит, дьявол разнимет.
🔸Аԥсшәа мыцхә аӷьра иаҩызоуп. Быть излишне учтивым все равно, что нагрубить.
Асахьа зааҳгаз аҩыжәраҿы ахамырҟьара ҳдыруан ҳәа ауп🍷

Асахьа зааҳгаз аҩыжәраҿы ахамырҟьара ҳдыруан ҳәа ауп
Please open Telegram to view this post
VIEW IN TELEGRAM
👍11❤3
Лыхнашҭа иԥырҟаз аҭәаҵла 147 шықәса ахыҵуеит!🌳
Ақәра аилкаара илшеит академик Сергеи Бебиа, уа даныҟаз аҽны парпантала иҭигаз аматериал ҭҵааны. Ари иҳанаҳәо акоуп, иннаҵраны иҟаз абжагьы имнеицт (400-600 шықәса).
Аҵарауаҩ иажәақәа рыла, аҵла зықәгылоу адгьыл иаразы ичашәроуп, иахәҭоу аминералқәа зегь алоуп, ааигәа-сигәа иаԥырхагахо ҳәа ҵиаа ыҟам, амра ашырагьы азхара аиуеит, уи аҟнытә ибзианы иазҳаит.
Ашьапы агәҭаӡа ҩ-метрак инареиҳауп, ашәпара иаакәыршаны 6,3 метра инаӡоит, аҳаракыра – 19 метра. Ныхачаԥоуп ҳәа азызҳәаз лхаа иҵабыргны ирҳәоит.

👍19