Ахьыуардын
1.27K subscribers
1.38K photos
222 videos
1.66K links
Ахьыуардын — аԥсуа бызшәеи, аҭоурыхи, акультуреи ирызку апроект ҷыда. Напбзиа-шьапбзиа ахьыуардын дақәтәоуп. Шәҳацла: ахьы хәыҷуп, аха шәкы ицоит, аӡә дышәҩыкны дҳаԥхьаӡоит.
Download Telegram
Қыҭак аҿы хар змамыз
Хаҵа шьахәк дынхон,
Хаҭалагьы цәгьара зламыз
Уаҩыс дрыԥхьаӡон.
(Баграт Шьынқәба)

Аамҭа-аамҭала асоциалтә ҳақәа рҿы иалацәажәоит "хар сымам" абантәаауеи ҳәа. Шьоукы ргәаанагарала, XIX ашәышықәса аҩбатәи азбжазы аԥсуаа "ахара зду" жәларны ҳахьырыԥхьаӡаз иахҟьеит (виновное население). Аха "хар сымам" акырӡа-акыр иаҳа ижәытәуп.

Абас ҳҳәартә ҳҟазҵо хышә-зқьышықәса раахыс зхала аҿиара иаҿу абаза бызшәоуп, ҳашьцәа ашәуаа ирҿоуп "Хара гьсымам" ҳәа, аха иахьазы имаҷны ахархәара арҭоит, "ха́ра" рыԥсахит адыга бызшәаҟынтә иалалаз ажәа "льажьа" ала, уи аҵакгьы "вина" ауп.

"Хар амам" - "ицәгьам" иашьашәалоит иахьа (нормально, удовлетворительно). Аха аханатә иаанагоз Анцәа иҟынтә аара сыдым ҳәоуп "не имею вины, укора (со стороны Бога)". Ахара сыдуп уҳәозар – "я имею вину // виновен (в первую очередь перед Богом). Ҳбызшәа аныҿиоз аамҭақәа инадыркны Анцәахаҵара шацааиуаз шьақәнарӷәӷәоит.

Хыхь иааҳгаз Шьынқәба ицәаҳәақәа рҟны аԥсуа дунеихәаԥшра ашәага-загақәа ируаку Анцәеи-ауааи акатегориала дихцәажәеит ибаллада "Аҿырпын" иалоу афырхаҵа: раԥхьатәи ҩ-цәаҳәак – Ҳазшаз иҿаԥхьа хар имам, анаҩстәиқәа – ажәлар дызлоугьы цәгьара злам уаҩыс дрыԥхьаӡоит.

Асахьа © Иури Сомов, Аԥсуа быргцәа Лыхнашҭа, 1967 шықәса

🧡 Ахьыуардын шәақәтәа
Please open Telegram to view this post
VIEW IN TELEGRAM
👍17🔥5
"Ҳабдуцәа хыхьчаратә методикас ирымазақыҭақәа рҿы еизааигәаны иахьынхоз акәын. Ижәдыруеит, аԥсуаа ҳҿы иуқыҭану аҭыԥҳа "дысгәаԥхеит" аҳәара азин ыҟамызт, аха усҟан еизааигәазаргьы, еицәыхаразаргьы аԥсуа қыҭақәа еибабаны, аиуарақәа рыбжьарҵон, абас ахеибахьчара ыҟан".

Зҭоурыхтә ԥсадгьыл ахь ихынҳәыз, Леон иорден занашьоу Ерқан Қәҭарба иҿцәажәара аҟынтә. Даара аинтерес аҵоуп, шәазыӡырҩыр шәылшоит абра»

🧡 Ахьыуардын шәақәтәа
Please open Telegram to view this post
VIEW IN TELEGRAM
👍14🔥1
Хәаџьа Шардыни игәылацәа рқәаби🍚

Ҽнак Шардын қәабк аказы иҭаххан, агәылара дцан ауаара ааигеит. Ақәаб акыраамҭа иара иҿы иҟан. Ус зны агәылацәа рқәаб қәаб хәыҷык нҭаиргылан, изтәыз рҿы инеигеит. Агәылацәа ианырба иазҵааит, ақәаб ҳара ҳтәоуп, аха ари ахәыҷы абаҟаз ҳәа.

– Ари ақәаб хәыҷы абаҟаз шәымбои, шәқәаб сара ианызгоз еимгәазаарын, сара сҿы қәаб хәыҷык ариит, аԥагьы иаргьы еиҵакны ишәзаазгеит, иахьсышәҭаз ҭабуп, – ҳәа раҳәаны днахынҳәын аҩныҟа дцеит.

Даара акыр аабжьысхьаны Шардын агәылацәа рҿы деиҭацан, рқәаб ду ауаара рымхны иааигахт. Уи ашьҭахь даара акраамҭа бжьыст, аха ақәаб зтәыз рахь игом. Иааимгаӡозшәа анырба аӡә дрышьҭит Шардын иахь, ҳқәаб азы сааит ҳәа.

– Шәқәаб абаҟаху, иԥсит, иԥсижьҭеигьы акрааҵуеит. Адырра сызшәымҭагәышьеит, саҭашәымҵан, аԥсхәы анызуа ишәасҳәап ҳәа сгәы иҭоуп, – иҳәеит Шардын.
– Ақәаб шԥаԥсуа, ақәаб ԥсит ҳәа заҳахьада? – иҳәеит иааиз.
– Ҳаит, шәара абзамыҟәқәа! Ихьо шԥсуа шԥашәзымдыри? – иҳәеит Шардын.
– Ҳаҭоумҵан, ҳгаӡахеит – иҳәан днагьежьны аҩныҟа дцагәышьеит иааиз.

Еиҭеиҳәеит Маадан Сақаниа, ианиҵеит Константин Шьаҟрыл.

🧡 Ахьыуардын шәақәтәа
Please open Telegram to view this post
VIEW IN TELEGRAM
😁10👍7🤔1
Ахьыуардын
"Амуча" дазусҭада?
Ашколтә программа шәгәалашәазар акәхап аӡәырҩы?😊📚

Гәлиа, Коӷониа, Шьынқәба рҩымҭақәа рҿы акырџьара иаҳԥылоит "амуча", "амучацәа". Ари аԥсыуа ажәоуп, ақәыӷәӷәара актәи ацыра иақәшәоит. Акыр муӡо ичо иоуп изырҳәо а́-м-уы-ча (лодырь, дармоед, букв.: "питающийся, не работая"). Синонимқәас иамоуп амалакры́фа, амазе́ича, мцәаӷәача́, аԥлады́, абаҩда́н.

Иахьа ацәажәаратә бызшәаҿы ахархәара маҷуп (ма зынӡа иамам), уи аҟынтә ашколхәыҷқәа аурысшәа анырра иахҟьаны, ажәеинраала анырҵо ииашамкәа ақәыӷәӷәара дыргылар ауеит, аҭаацәеи арҵаҩцәеи иҳариашалароуп, ажәа аҵакы рзеиҭаҳәо, инамҩатәны ҳагьрылабжьо🤗

🧡 Ахьыуардын шәақәтәа
Please open Telegram to view this post
VIEW IN TELEGRAM
👍16
Ауаҩ ҟәыӷа ихы шҿихыз🌝

Аҳак дыҟазаарын, аха леишәацәгьакгьы. Уи иаҳаит итәылаҿы уаҩ ҟәыӷак дыҟоуп ҳәа. Ҽнак иаҳҭынрахьы диԥхьаны дааигеит. Аҩ-ашәхак реиԥш еиԥшыз ҩыџьа ахәыҷқәагьы ааган иаԥхьа иааиргылеит. "Абарҭ руаӡәы дыҷкәыноуп, аӡәы дыӡӷабуп. Иеиҩудыраар – уразҟы иакит, мап анакәха – ухы хыссоит!" – аҳ иаԥхьа итәаз инаидиҵеит.

Ауаҩ ҟәыӷа дааиҵаӷәӷәеит. Ахәыҷқәа еиҩдыраашьа рымамызт. Дагьаанаԥшааԥшит. Илаԥш нақәшәеит абҳәа ҟаланы ихьыдхәо иахьҿаз. Ахәыҷқәа иманы дынкылсын, днамҵагылан махәык дааханы, абҳәа ааиршәшәеит, нас ишәыҟәшәа ҳәа ахәыҷқәа инарыдиҵеит. Абраҟа иагьеилиргеит аҟәыӷа иҷкәынази иӡӷабзи.

Аҷкәын ииҟәшәоз абҳәақәа иџьыба иҭеиҵон, аӡӷаб лыблуза еиҵыхны лкалҭ илалҵон...

Платон Бебиа имшынҵақәа рҟынтә.

🔸Ҩ-ашәхак реиԥш еиԥшуп.
🔸Ҩ-
расацк реиԥш еиԥшуп.
🔹Похожи как две капли воды.

🧡 Ахьыуардын шәақәтәа
Please open Telegram to view this post
VIEW IN TELEGRAM
👍15
Ажәахәмарқәа👥

Еициз (близнецы) ҳәа ауаа рзы иаҳҳәоит, аԥсаса, ашьамаҟа рҿы еициз аныҟоу – аҩа́зақәа рыхьӡуп (уаанӡа ауаҩы изгьы ахархәара аман, абаза бызшәаҿы еиқәхеит).

Владмир Касланӡиа ари ажәа абас еиҿиршәшәоит: ҩа-за, ҩба + закы (два как один). Аҩа́за (подобный) ишнеиуаз аҩы́за алҵзар акәхап (друг; такой же).

Уҩыза дзеиԥшроу збар, уаргьы узакәу уасҳәап зҳәаз иеиԥш😉

📌 Акы/аӡәы ахыԥхьаӡара хьӡы закы́/заӡәы́ ҳәа иҟан аханатә, иахьа уи аанхеит ажәақәа "зны" (однажды), знык (единожды), зныкыр (когда-нибудь), зны-зынла (иногда) рҿы.

🧡 Ахьыуардын шәақәтәа
Please open Telegram to view this post
VIEW IN TELEGRAM
👍17🔥3
"Баҟә цоит, ар ацуп."

Аԥсшьара мшқәа ақыҭа бзазара иазкызааит. Ҳалагап акәтааӡара иазку аԥсуа жәаԥҟақәа рыла. 🐣

🟠Анхаҩы икәты ҽнак зныкоуп ианҵо.

🟠Акәты иамарчаз акәтаӷь дарчеит.

🟠Акәты иалшо акәтаӷь ауп.

🟠Уаҵәтәи акәты аҵкыс иахьатәи акәтәаӷь.

🟠Акәты ззырымшьуа ашԥы деилаҳауан.

🟠Акәты ашьыга ашьапхыц иҵнахуеит.

🟠Акәты џьара иҵоит, ҽаџьара икакоит.

🟠Агәыла икәты агәыла ҟызны ибоит.

🟠Аҭакәажә иҟәнылшьаз акәҷышь абга иагеит.

🟠 Акәты иҟәыннашьаз арбаӷь иагеит.

Афразеологизмқәа:

🔸Акәтаӷь былгьоит – тишь да гладь, да Божья благодать;

🔸Кәтыҿырҳасымҭак ахмырҵкәа – в мгновение ока;

🔸Кәтышьапхыцла иҩушәа – как курица лапой;

🔸Акәты ахы ыфаны дыҟоушәа – глупит, как будто съел куриные мозги.

#ажәаԥҟақәа

🧡 Ахьыуардын шәақәтәа
Please open Telegram to view this post
VIEW IN TELEGRAM
👍17🤗1
"Руак жәы, егьи аҵәы иахаргьежьуа хаа-хаа исызӡы", – иҳәеит Чагә Чаҵә акәты рҿыжуа, ашьра ззымгәыӷьуаз аԥҳәыс каҷбеи "Ишԥоуҭаху сысас?" ҳәа данҵаа лгызмалра лыҵихын. Ак еигӡаз ҩба лшьыр акәхеит🍗

Ари ажәабжь зегьы ижәдыруеит, аха Чагә злакҭа ччоз аԥҳәыс раз лҟынгьы исасра неигахьан:

Чагә сасра ԥҳәысеибак дылҭааит. Амлагьы дакуан. Аԥҳәысеиба деиԥшмызт азы, лҟәарҭ заҵәы нкагәаны асас изылшьит. Чагә акрыфан дцаразы дахьындәылҵыз, акәҷарақәа еиҭымха, еибархьусууа иахьтәаз илаԥш нарықәшәеит.
– Ҳаи, сара сыԥсызаап!.. – иҳәеит иара, иҟалаз еилкааны.
– Ишԥа, џьушьҭ, Анцәа ишәҟәырхуп! – иааџьалшьеит аԥҳәысеиба. – Ӡибнаҟа...
– Сышԥаԥсым, акәҷарақәа Чагә-сагә, Чагә-сагә ҳәа сырҵәуеит! – аҭак налиҭеит Чагә.
Ашьҭахь абри аԥҳәысеиба аџьмахьақәа ҩба лзааиҭиит.

📙Чаҵә Чагә ихҭысқәа. Еиқәиршәеит Заур Быҭәба.

🧡 Ахьыуардын шәақәтәа
Please open Telegram to view this post
VIEW IN TELEGRAM
👍112😁2
Иахьа аччара иамшын, алафқәа шәылибахзар акәхап😉

Алаф ахьыҟоу ахшыҩгьы ыҟоуп. Анкьа ҭацабара ианцоз аԥҳәызба леилкаара ахьынӡаҟоу гәарҭон лафҳәарала. Убас, аҿар шҵәылеибахуаз ҳәа жәабжь кьаҿк имоуп Мушьни Миқаиа:

Арԥыск зегь реиҳа зыбыз хны изҿоу, уаҩытәыҩса дыззымиааиуа ҳәа ирԥхьаӡоз, еицгәарҭахьаз ҳәса хәыҷқәак рҿы дцеит. Дҽырԥаҽырԥо ашҭа данынҭала, хҩы-еиҳәшьцәа блаҵыхәала иааибарлацәҟәын, инеиԥылеит. Аха уаҳа аҽаагеиаха имҭаӡакәа:
– Унан, ҳасас, хахәы бырфын, хеиҵасаба, џьыка зага ихылԥа ихаҵаны, ҵыхәа гьалдыз дақәтәан дааит бымбои! – лҳәеит руаӡәк.
– Ҳаи, ибуазеи, Абларкал-ԥҳа Фатима! Улыс аԥшаҳәа зшьагьырҭоу, аҵәасара зааԥҭра гылоу, маӡа ицәтәны, аргама ихьо! – иҳәеит, арԥысгьы даҿамхаӡакәа.

🧡 Ахьыуардын шәақәтәа
Please open Telegram to view this post
VIEW IN TELEGRAM
7😁4👍2
"Аччара баҩ алоума?" ҳәа хьӡыс иамоуп Шоҭа Ҷкадуа еицырдыруа иповест. Иҳанаҳәои ахьӡ? "Баҩ алам" рҳәоит иуадаҩым уск азы (ерунда, пустяк). Аҩымҭа иалоу аԥҳәызба аччара лцәыуадаҩын лынасыԥ деижьеит аҟынтә...

"Абаҩ злоу аҽы" уҳәар ауеит (быстрая легконогая лошадь). Иаҳԥылоит ажәаԥҟақәа рҿгьы.

🔸Баҩ злоу баҩ ифеит. – Кто смел, тот два съел.
🔸Аччара ҿкуп. – Смех заразен.
🔸Баҩ-баҩы деиҿышәшәоит. – Готов сквозь землю провалиться.

🧡 Ахьыуардын шәақәтәа
Please open Telegram to view this post
VIEW IN TELEGRAM
👍15
"Ашаҭла́ҟьа" ҳәа ззырҳәо дарбан?
Anonymous Quiz
4%
Еилҟьоу
29%
Зхы ҭҟьоу
67%
Зыбаҩ ҟьаҟьоу
👍12
Аԥсны Афырхаҵа Зураб Ҷолокәуа иахьа 55 шықәса ихыҵуазаарын.

Зураб аспорт далааӡан, дықәԥаҩын, арра ихганы данаа Тҟәарчал ашколхәыҷқәа азыҟаиҵон, Аԥсуа университет афизика-математикатә факультет аҿгьы аҵара иҵон. Аԥсҭазаара ду ахь ишьапы анеихигоз аамҭазы аибашьра ҵысит.

Ишналагазҵәҟьа Тҟәарчалтәи абаталион далалеит, хара имгакәа БМП акомандирс дҟалеит, Мрагыларатәи афронт ацәаҳәа ахьынӡанаӡааӡоз ихадароу аидысларақәа зегьы дрылахәын.

1993 шықәса цәыббрамзазы Цагьара ақыҭа агараан Зураб Ҷолокәуа и-БМП аӷа дахаҩозаарын, амина иахаԥжәеит, амца акит. Аекипаж зегьы шәҭыҵ ҳәа адҵа риҭеит, иара даанхеит. Ииқәашьхо дырны аҵыхәтәанынӡа ахымца иҟьон. Ҳара иахьа ҳаҟазарц амца далаблит...

25 ракәын ихыҵуаз, иижәшаз аӡыхь ахы ыҵнамхыцызт ззырҳәо. Дыҷкәынаны наӡаӡа иазцаз афырхаҵа. Хашҭра иқәымзааит!

🧡 Ахьыуардын шәақәтәа
Please open Telegram to view this post
VIEW IN TELEGRAM
🙏212
This media is not supported in your browser
VIEW IN TELEGRAM
Иалоуп аҳәа адгьыл агәаҿы,
Уи ахьалоу, о, ҳазшаз, иԥшьа!
Сара аҳәа ыҵысхырц саҿым,
Сшәоит иҿыцны иалҵыр ҳәа ашьа.
(Терент Ҷаниа)

Аԥсны ахақәиҭра иасимволу, Ахьӡ-Аԥша абаҳчаҿы игылоу ҳбаҟа 20 шықәса ахыҵуеит, ахатә ҭоурыхгьы еиҭоуҳәартә иҟоуп:

🟠 Акомпозициа "Ахәрашәа" ҳәагьы ахьӡуп, аха еиҳарак "Аԥсуа ҟама" ҳәа ажәлар ирылаҵәеит.

🟠 Абаҟа авторс дамоуп Аԥсны жәлар рсахьаҭыхҩы Амиран Адлеиба.

🟠Жә-шықәса аус адиулон – 1993 шықәса инаркны 2002-нӡа.

🟠Прототипс ишьҭихит Аинар Жьи афырхы (метеоритное железо) кәаны Нарҭ Сасрыҟәа иизичаԥаз аҳәа.

🟠 Хыхьтәи ахәҭа – амҵәыжәҩа аԥшра амоуп – ахақәиҭреи, адоуҳаи аанарԥшуеит, агәҭа – аибашьра иасимволуп, зқьышықәсала зыԥсадгьыл зхы ақәызҵоз ҳҵеицәа ргәалашәара ахәреиԥш ҳажәлар ргәы ишану унарбоит; ҵаҟатәи ахәҭа – адгьыл иҵарсу аҟама аԥынҵа – аиааиреи аҭынчреи ирсимволуп.

🟠Аусумҭа асахьаркыратә ҩаӡара ахә ҳаракы илшьеит аконкурстә комиссиа иалаз аскульптор Марина Ешԥҳа, абаҟа аидеиа дазыразхеит Аԥсны Раԥхьатәи ахада Владислав Арӡынба.

🟠 2010 ашықәсқәа рзы цәгьоуцәақәак идырхәашарц рҭахны аԥжәага аҵарҵеит, аха ԥырхага рзамҭеит, иачҳаит.

🧡 Ахьыуардын шәақәтәа
Please open Telegram to view this post
VIEW IN TELEGRAM
👍172
Ахьыуардын
Иалоуп аҳәа адгьыл агәаҿы, Уи ахьалоу, о, ҳазшаз, иԥшьа! Сара аҳәа ыҵысхырц саҿым, Сшәоит иҿыцны иалҵыр ҳәа ашьа. (Терент Ҷаниа) Аԥсны ахақәиҭра иасимволу, Ахьӡ-Аԥша абаҳчаҿы игылоу ҳбаҟа 20 шықәса ахыҵуеит, ахатә ҭоурыхгьы еиҭоуҳәартә…
Аса адгьыл аҵарсра – ажәытәӡан Кавказ мраҭашәара аԥсуааи азахәқәеи имҩаԥыргоз ритуалзаарын

Аибашьра анцоз аамҭақәа рзы, абџьар акульт иадҳәалаз ақьабзқәа зегь рынагӡара аха анрымамыз, ахацәа а́са (меч) ыҵарсны, хыма-ԥсыма иныҳәон ҳаиқәыршәа, аиааира ҳарга ҳәа. Абри атәы дазааҭгылоит адыга ҭоурыхҭҵааҩ Самир Хотко.

Аҳәеи (шашка; сабля), аҟамеи (кинжал) ракәзар, акыр еиҳа ихьшәоуп, абжьарашәышықәсазоуп алаҵәара анроу (VIII ашә. азааигәара) ҳәа иҩуеит автор.

🧡 Ахьыуардын шәақәтәа
Please open Telegram to view this post
VIEW IN TELEGRAM
👍132
Амақьаԥсы́с – абас ахьӡуп ажәытәан аса, аҳәа, аҟама уҳәа рҿы злархуаз ахаҳә жәҩангәыԥштәыла хәыҷы.

1.
Иаабац амақьа (точильный камень) хаҳәызар излыху, амақьаԥсыс мҿлыхын. Аҵла агәы ҭаԥҟаны, аформа ԥшӡа аиуртә ицәрыԥсаны, быжьшықәса адгьыл иҵаҵаны идырԥсасиуан, нас игәӡаӡа иҟалон, аибашьыга маҭәахәқәа цәымҟьакәа иахыртә. Излырхуаз а́жа (ясень) агәыцә акәын, иаҳԥылоит араш (вяз, карагач) аӡбахә ахьаҳәогьы.

2. Амақьаԥсыс ишнеиуа ианықәуа иалагеит. Ажәа аҩбатәи аҵакы – амч ду змоу ахаҳә шкәакәа, ахара здыз дықәгыланы дахьдырқәуаз "О, Уашхәа Мақьаԥсыс, сыԥсы ҿых, уаԥшәымаха!" ҳәа.

3. Ашхәа Мақьаԥсыс – аԥсуаа рҿы ашхәар ирхылаԥшхәу нцәахәык иакәынгьы даарԥшуп.

🧡 Ахьыуардын шәақәтәа
Please open Telegram to view this post
VIEW IN TELEGRAM
👍122
Шәызҵаарақәа⁉️

Аӡырга́га
– аԥсышәоуп, ишәышәуа-ишышуа аффриката ҵары -ӡ’ алоуп, даҽакала "агәамси́ҭ, алы́мтк" растрёпа, неряха, грязнуля. Аӡы (вода) иадҳәалаӡам, иҟалап аӡ (блохи) икны ирго ҳәа ицәажәозар. Зхы зымрыцқьоз ауаҩы ус изырҳәар ауан😃

Аҟәарҭла́х // ахәарҭла́ӷь ҩ-ҵакык амоуп, амифқәа рҿы ианаҳԥыло – вампир, вурдалак "Аџьныш-ҟәарҭлах"; ауаҩы иахь иҳархозар – плюгавый, невзрачный (чаще всего старый) человек "аҭакәажә хәарҭлаӷь".

Амаџьа́на – ҳгәанала иаԥсышәоуп: ма – амапкратә форма + џьа (труд), букв.: нетрудоспособный. Ари ажәагьы х-ҵакык амоуп: 1) слабый, немощный; 2) бедный ( в значении небогатый), бзыԥтәи адиалект аҿы ахԥатәи аҵакгьы ҳԥылоит: 3) нерасторопный, медлительный.

Уи аԥаразы дмаџьаноуп. – У него совсем мало денег. Уи аҵараҿы дмаџьаноуп. – Он слаб в учебе.

Жәеинраалакгьы ааҳгап нас, ҳаналага:

"Уи дмаамыџьуп, уи дмаџьаноуп,
Уи дхьараџьуп, уи дџьаџьаноуп...
Зегь зирџьогьы уиазыноуп –
Иуҳәо гәеиҭарцаз азыноуп".
(Заур Быҭәба)

🧡 Ахьыуардын шәақәтәа
Please open Telegram to view this post
VIEW IN TELEGRAM
👍161
Ахьыуардын
Акыр зычҳаз акыр ибеит рҳәоит аԥсуаа. Ари ажәаԥҟа иамоуп даҽа варианткгьы: Акыр зычҳаз ашә-бӷьы тлазны ибеит. Ажәаԥҟа иара усгьы икьаҿуп, аха иҟоуп убас шьоукы-шьоукы, зназы иаҳа иауз, нас ишнеиуаз аҩбатәи зыхәҭа амҵыз – иара адагьы ицәажәон азы. Ҳрыхәаԥшып…
Арубрика "Иацу ыҟоуп" ахьӡаҳтәып. Еицырдыруа даҽа жәаԥҟак ихаҭәаау авариант ҳԥыхьашәеит:

🟠Амц ашьапы кьаҿуп, шьыжьымҭан идәықәлаз хәылбыҽханынӡа аҽашьуеит.

Хыхь иааҳгахьаз аҿырԥштәқәа рҿеиԥш арагьы аилыркааратә хәҭа "амҵит", иарадагьы аҵакы гәылыршәоуп аҟынтә. Урҭ аԥхьатәиқәа зымбаз шәыҟазар, ишәыԥшаауеит абра»

#иацу_ыҟоуп

🧡 Ахьыуардын шәақәтәа
Please open Telegram to view this post
VIEW IN TELEGRAM
👍6
Аԥсуаҭҵаара аҵәыӡ ду аиуит.

Идунеи иԥсахит иреиҳабӡаз археолог, аибашьҩы, ашәаԥҵаҩ Игор Ҵнариа. Аԥсшәа – аԥсуа ԥсабара ацәажәашьҭыбжьны изаҳауаз апоет, аромантик.

Игор Ҵнариа аӡәы ҳәа ҳажәлар рмилаҭ-хақәиҭратә қәԥара далагылан, аибашьра ахы инаркны аҵыхәанӡа далсит 50 дшырҭысхьазгьы (аԥсуа хаҵа изы акрыҟоума ҳәа), "Дед" ҳәа иарҳәон. Ацҳа ҟаԥшь аҿы аӷа ииааиԥыххыз дыруаӡәкуп. Кавказ ашьхарыуа жәларқәа рконфедерациа аԥҵара иџьабаа адуп. Абџьар икын заџьал зхыццакыз иԥагьы.

Игор Ҵнариа Аԥсара ажәытәхаҳә аамҭа иаҵанакуа атәарҭеи, акромлех зҿықәыршоу адамреи зыԥшааз иоуп. Аҵыхәтәантәи ашықәсқәа рзы Аӡҩыбжьа ажрақәа мҩаԥигон, Диоскуриа ашьаҭақәа дрышьҭан.

Аибашьраан иааирԥшыз ахаҵаразы ианашьоуп Агәымшәара амедал, аҭҵаарадырраҿы илагалазы – Ахьӡ-Аԥша аорден III аҩаӡара.

Иԥсҭазаара далҵит 85 дшырҭагылаз. Иԥсы атәарҭа ԥшӡахааит, џьанаҭ гыларҭас иоуааит! 🙏🏻

🧡 Ахьыуардын шәақәтәа
Please open Telegram to view this post
VIEW IN TELEGRAM
😢13🙏5👍2
This media is not supported in your browser
VIEW IN TELEGRAM
Хышықәса раԥхьа абарҭ амшқәа рзы Sputnik аҭыхратә гәыԥ Игор Ҵнариа иҩны иҟан, ааԥын аԥсабара аҿыхамҭаз мшы ссирк рыцеиҩишеит.

Аҵарауаҩ ибзазашьа ҳалаирԥшит усҟан: адгьылтә малк иашьҭамыз, иаҩцамкәа дынхон, зегьы иреиҳау амал – иаԥсуара ныҟәигон, иԥсҭазаареи ихандеиреи зегь зызкызгьы уи ахьчара акәын. Ишәҟәы-ибыӷьшәы ҳнаргәыларԥшны, иблачыц еиԥш дзыхӡыӡаауаз иԥшәмаԥҳәыс Емма Анқәаб луада ацаԥха наркны, Шәқәырча аԥсыӡкра дахьцалоз ҳнаиԥхьеит.

Убраҟа ҭынч, аӡиа ахықәаҿ днатәаны иҳәеит абри алирикатә ашәа. Ахәыҷы иҿы дхәыҷны, аду иҿы идууз Игор Ҵнариа… Гәалсра дууп инарцәымҩа дахьықәлаз, аха иҳамчуи, аира зшаз аԥсрагьы ишеит…

🧡 Ахьыуардын шәақәтәа
Please open Telegram to view this post
VIEW IN TELEGRAM
9🙏5😢3
Абаииа шәҭит ара,
Ашәҭ ҩежь абаииа.
Азаҵәра аԥштәы ахыгга,
Ицеит ааԥын бзиа...
Уаҳа, уаҳа узбаӡом
Уара-бзиа...
(Гәында Сақаниа)

📖
Аҵы́мӡ, анцәаи́жә – божья коровка;
Абаи́иа, амшаԥы́шәҭ – лютик полевой;
Ама́р – лютик клубненосный;
А́шҳам мар – лютик ядовитый;
Ама́рч, а́бнамарч – лютик многоцветковый;
Ашәиры́ӡыӡ – лютик абхазский; чистец.

🧡 Ахьыуардын шәақәтәа
Please open Telegram to view this post
VIEW IN TELEGRAM
👍142