Ахьыуардын
1.26K subscribers
1.38K photos
220 videos
1.66K links
Ахьыуардын — аԥсуа бызшәеи, аҭоурыхи, акультуреи ирызку апроект ҷыда. Напбзиа-шьапбзиа ахьыуардын дақәтәоуп. Шәҳацла: ахьы хәыҷуп, аха шәкы ицоит, аӡә дышәҩыкны дҳаԥхьаӡоит.
Download Telegram
Ааԥын, ашәҭра иамеигәырӷьо ауаагьы ыҟоуп, уи аллергиа иаргәамҵуа роуп. Аԥсуаа ари ацәырҵра излахәашақәа рдыруан: жәлар рмедицинаҿы ахархәара арҭон ахәац, ашәҭбыбк, абиаҵла ацәа, аҟарма уҳәа.

Еиҳа инарҭбааны атема дазааҭгылеит Sputnik аколумнист Сусанна Ҭаниаԥҳа. Шәаԥхьар шәылшоит абра»

🧡 Ахьыуардын шәақәтәа
Please open Telegram to view this post
VIEW IN TELEGRAM
👍8
Ахьыуардын
🌺"Амра ангыла, икаҷҷароуп, Ашәҭ афҩы хаа канарҵәароуп!" Зегьы бзиа еицырбо ашәа "Ас гәырҩала са смиӡандаз" ажәақәа зтәу дыжәдыруазар? Еиҳарак зыпрозала иаҳдыруа ашәҟәыҩҩы Џьума Аҳәба. Амузыка ианаалашаз аԥҵаны, ашәа алихит акомпозитор, археолог Игор Ҵнариа.…
This media is not supported in your browser
VIEW IN TELEGRAM
"Ашәак мҳәакәа аԥсуа изырхәлахьадаз... аха Ҭырқәтәыла дынхоны ашәакгьы зҳәахьада", – ҳәа ражәаҿы инхеит аҳәаанырцә иагаз ҳашьцәа рхылҵшьҭрақәа. Жәларык рхьаа зцу агәжәажәара...

Ажурналист Сырма Ашәԥҳа лархив аҟны иҳаԥшааит аубых ҭыԥҳа Раҳшьан Шьыжь лжәытә мырзакан аашьҭыхны "Ас гәырҩала са смиӡандаз" ашәа ахьылҳәо авидео. Ланшьцәа Гьечаа рыхьӡала аԥсуаа зегьы ҳамҭас ирзаалышьҭит усҟан. Асахьа маҷк аҟара ихәашьызаргьы, лыбжьы бзианы иуаҳауеит, угәы арԥшаауеит❤️

🧡 Ахьыуардын шәақәтәа
Please open Telegram to view this post
VIEW IN TELEGRAM
15👍5👏3
Хәажәкырамза аҵыхәтәантәи амчыбжь ҳҭалеит иахьа🌿

Ахәажәҵәы шцәырҵыз ҳәа ажәлар еиҭарҳәо ажәабжьк аԥҳәыс илыдҳәалазаап, аетнолог Марина Барцыц лыстатиаҿы иаалгоит:

"Зхаҵа дыршьхьаз аԥҳәысеиба хҩык лԥацәа аныҩеидас, раб ишьа рур лҭаххеит. Егьа инықәҳәа-аақәҳәаны илҳәазаргьы, раб ишьа мукәа иԥсы шҭынчым, ирмаҳауашәа ҟарҵон. Уаҳа ианаму, ахәажәақәа рзыҟалҵеит, руакы аҵәы агәылаҵаны – изықәшәо ашьоура идуп ҳәа. Аха лара лхаҭа илықәшәеит. Иҟалҵахуази, лыԥшәма ихаҵамаҭәа аалышәҵаны, иабџьар аашьҭыхны, амҩа дықәлеит, ишьагьы луит".

Аԥсуаа рытрадициаҿы аԥҳәыс лзинқәа зеиԥшраз, уи лыхьӡи-лыхьымӡӷи здыз уҳәа аҵарауаҩ инарҭбааны дазааҭгылоит абри лматериал аҟны>>

Асахьа: Путеводитель по Адыгее

🧡 Ахьыуардын шәақәтәа
Please open Telegram to view this post
VIEW IN TELEGRAM
👍74❤‍🔥3
This media is not supported in your browser
VIEW IN TELEGRAM
Илеиуеит ԥшьаала ақәаԥсата,
Аҽмырхага,
Иахнагозар ҳбап, баатәа,
Ашьацаагага…
(Ан. Лагәлаа)

Ааԥынтәи ақәа зегь шьацаагагоуп, игәӡаӡа иауеит, аҽарӷьеҩуам. Уи аҟынтә "ауаҩ ага ирбааӡага" ҳәагьы азырҳәоит, хырҩа амҭакәа, ма изгәаԥханы ицәхало рзыҳәан🌧🌱

🧩Ақәа́ иҟалап ақә (верх) + аа (аара́) ҳәа иҳауз ажәазар (приходящее сверху), аҵа́а (вырастание дна) ҳанаҳәозар еиԥш.

Ашьацаага́га, аԥсата́, ақәаԥсата́ – мелкий, моросящий дождь;
Ақәарԥсса́ – крапающий дождь;
А́наатә – косой дождь;
Амра ԥхоит, ақәа леиуеит – грибной дождь;
Иаақәашырԥыҟҟеит – дождь забрызгал // закапал;
Қәау́ншьҭахь – после дождя;
Аҵа́ақәа – ледяной дождь;
Ақәа́дара – бездождие (засуха);
А́иаҵәцырҟьа алеира – метеоритный дождь.

🔸Ақәа кны ухалап (уқәлап) – льет как из ведра (букв.: по дождю можно взобраться наверх);
🔸Ақәа скәытрабааха сҟанаҵеит – я насквозь промок (букв.: дождь сделал из меня мокрую курицу).
🔸Ақәа иацәшәаз аӡы далаҳаит (ажәаԥҟа) – Из огня да в полымя (букв.: испугавшись дождя, упал в воду).

🧡 Ахьыуардын шәақәтәа
Please open Telegram to view this post
VIEW IN TELEGRAM
👍12😍1
Ахаҵара ауаҩы ициуеит.

Аԥсны Афырхаҵа Мушьни Хәарцкьиа, аԥсуаа ҳаиҭаира агәра згоз аҵарауаҩ, аибашьҩы гәымшәа игәалашәара амш азы еидаҳкылеит иара изку афактқәа:

🟠Мушьни Хәарцкьиа диит Ешыра – ахацәа рыдгьыл ҳәа иахьашьҭоу ақыҭан.

🟠Аԥсны амилаҭ гвардиа аиҿкааҩцәа дыруаӡәкуп, аибашьра иалагаанӡа аҭагылазаашьа шшәарҭахоз баны, абџьари аџьаԥҳани аҳәаа иахыганы иааигон.

🟠Мушьни Хәарцкьиа ихьӡ иадхәалоуп раԥхьатәи афронт аартра, раԥхьатәи ахрыӷәӷәарҭа, раԥхьатәи абаталионқәа реиҿкаара.

🟠Ԥсабарала деибашьҩы дуун, дҟәышын, атактикеи астратегиеи еибашьра дук зхызгахьоу дҵаҟаҵаҩк иеиԥш ихшыҩ рызцон.

🟠Аиааира агаразы ажәылара шаҭаху зегь раԥхьаӡа еилызкааз, иагьаԥшьызгаз дыруаӡәкуп.

🟠 Мушьни Хәарцкьиа дышьхауаҩын, археологиа иԥсы алан, ақалақь ԥсҭазаара дазгәышьуамызт, Хәаԥ иҟоу Мачагәа итәарҭа быжьшықәса инеиԥынкыланы ажрақәа мҩаԥигон.

🟠Мачагәа итәарҭа (аҳаԥы) иазку иусумҭа Кавказ иахьаҵанакуа ахаҳә шәышықәсазы ирыҩхьоу иреиӷьу аҭҵаамҭақәа ирхыԥхьаӡалоуп.

🟠Даур Занҭариа иповест "Ашьанҵауаҩ" Мушьни Хәарцкьиа изкуп.

🟠Дҭахеит 1992 шықәса, ԥхынҷкәын 6 рзы Лашькьындар ахақәиҭраан.

🟠Идгьыл ацәеижь дадуп Лыхнашҭа – шәышықәсала ҳҭоурых иахьагәеисырҭоу.

🟠 Аԥсны аҳҭнықалақь Аҟәа иатәу амҩақәа руак ихьӡ ахҵоуп (уаанӡатәи Комсомольская).

Афото
: Хәарцкьиаа рҭаацәаратә архив аҟынтә

🧡 Ахьыуардын шәақәтәа
Please open Telegram to view this post
VIEW IN TELEGRAM
🙏14👍32
Иналукааша аԥсуа сахьаҭыхҩы, ҳаамҭазтәи аҟаза Баҭал Џьапуа 60 шықәса ихыҵит.

Аибашьраан Мрагыларатәи афронт аштаб аиҳабы, Леон иорден ианашьоуп, аҭынч ԥсҭазаараҿы абар уажәшьҭа 30 шықәса раахыс ҳкультура ԥхьаҟа изго рхаҿы дгылоуп Баҭал Џьапуа.

Ахьы лбаашәаны укәа иҭашәар ишудырра! Азқьышықәсақәа ахьеихалоз зырҿиарамҩа ианылаз, ибаҩхатәра есааира еизырҳауа, еиҳа-еиҳа ҳаргәырӷьо дааиуеит, иҭәымҭа дҭагылоуп. Инапы ахьы аԥссоит, ихшыҩ умҵанарсуеит. Иқыцә, ижьаҳәа, ма икалам назхьыслак, жәлары зегь иртәу мазарахоит.

Аԥсуа етнографиатә костиумқәа, аескизқәа, аепос аԥсы ахазҵаз асахьақәа, агәаларшәагатә аԥсарқәа, абџьар хкқәа, ахыцуаа рыклуб аԥҵара, акрызҵазкуа арыцхәқәа разгәаҭара, амилаҭ гәарԥ "Аԥсны" аартра, аибашьыгатә шхәа аргылара, аԥсилааи абазгааи рҳәаҭҳа ареконструкциа азура – ихьӡ зыдҳәалоу аус хирқәа рыхәҭак ауп. Зегьы еидызкыло – аҭоурыхтә ҵабырг ашьашәалара, агьама, ахаҭабзиара, аԥшӡара.

Зны-зынла аидеологиа ҳамам ҳәа ҳанашшло, Баҭал Џьапуа дааугәалашәар – дызҿу зегьы амилаҭ хдырра ашәра иазкуп, убри аганахьала шәҩык дрыԥсоуп, иџьабаа бзабааны иԥылалааит! Агәабзиара, агәамч, агәахәтәыхьӡара, аԥсынҵра ду изеиӷьаҳшьоит. Ҽаанбзиала!

🧡 Ахьыуардын шәақәтәа
Please open Telegram to view this post
VIEW IN TELEGRAM
👍178
Абри ижәбо араӡны аԥсар ҩышықәса раԥхьа Аԥсны абанк злахәыз Жәларбжьаратәи аицлабраҟны "Иреиӷьу асахьаркыратә аарԥшышьазы" аҩбатәи аҭыԥ агеит.

Аиааира ду 75 шықәса ахыҵра иазкыз агәаларшәагатә аԥсар (егьырҭгьы зегь реиԥш) инапы иҵихит Баҭал Џьапуа.

Асовет Еидгыла ахьынӡанаӡааӡоз Аиааира асимволс иҟаз афотосахьа "Ан" (Марушьа Ԥачлиа иҭахаз лԥа Алықьса Аршба исахьа кны дахьтәоу) ҩаԥхьа ауаа иргәаласыршәарц сҭахын, – иҳәеит автор.

Асахьаҭыхҩы ишицәаҩоу еиԥш, ихы ӡырымгаӡакәа ари иқәҿиара дшахцәажәаз шәазыӡырҩыр шәылшоит абра>>

🧡 Ахьыуардын шәақәтәа
Please open Telegram to view this post
VIEW IN TELEGRAM
👍12
Ахьшь амала ишьҭамсуаазап,
Акака ртәаны ицалозаап
.
(Дырмит Гәлиа)

Зыбла ҭыԥхо, ажәҩан ихиаала ишалоу ахеиԥш икәлаауа иӡывасуа аԥсаатә-жьыфа ахкқәа рацәоуп. Асахьақәа рҿы иааҳгоит ҳара ҳҿы еиҳарак иуԥылақәо. Иазгәаҭатәуп, а́кьа (сокол) ажәлақәак рзгьы "ахьшь" рҳәоит: ахьшьыцба (кобчик), ашьхарыхьшь (сапсан).

📖
Алаҳәахьшь – вороной ястреб;
Ахьшьҩеижь; аҩеижь хәыҷы – ястреб с желтым окрасом;
Абжьаҩашьа – пестрый ястреб;
Ахьшьаага – вид ястреба;
Ахьшь бжьа, ахьшь ҟаса – прирученный ястреб;
Ахьшьмҩас – перелетный ястреб;
Амалмы́ҵ – вид ястреба;
Ахьшь гәыразқәа // ажәлабзиақәа – благородные соколы.

#аԥсаатәқәа

🧡 Ахьыуардын шәақәтәа
Please open Telegram to view this post
VIEW IN TELEGRAM
Please open Telegram to view this post
VIEW IN TELEGRAM
👍113
1995 шықәса раахыс иҭыҵуаз ажурнал "Абаза" аномерқәа 19 ацифрахь ииагоуп, изҭаху ианиҭаху дрыԥхьар илшоит Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза конгресс асаит аҟны.

Ахархәаҩцәа рырманшәаларазы атекст ахҩылаареи, ажәала аԥшаареи афункциақәа аус руртә иҟаҵоуп.

🧡 Ахьыуардын шәақәтәа
Please open Telegram to view this post
VIEW IN TELEGRAM
👍17
🔥"А́мцахара" иаанагои?

Ари ижәытәӡоу ԥсуа ажәоуп, иӷәӷәоуп, иԥшӡоуп, х-ҵакык амоуп. Ҳаибашьратә ҭоурых ду уагәыланарԥшуеит.

1. Аешьара, жәлак еиднакыло агәакьацәа зегьы, а́мца + а́хара (круг близких родственников, однофамильцы), "а́мцахә" (доля огня) иеиԥшуп.

🔸Умцахара иазҳааит! – зеиӷьашьароуп, "Чтобы твой род множился!"
🔸Умцахара мыцәааит! – абас иарҳәоит зҭыԥ ылхны ҿыц анхара иалагаз; пожелание добра новоселу "Чтобы твой огонь не погас!"
🔸Умцахара баҩшьроуп! – ашәарыцаҩ абас аԥсшәа иҳәоит зҭыԥ ылызххьоу даҽа шәарыцаҩк данибо, (труднопереводимое охотничье приветствие).

2. Хазы игылоу аибашьцәа рырхәҭа (боевые отряды воинов одной общины).

3. Адырга мца – а́мца + хара́ (сигнальные огни, зажигаемые во время набегов, букв.: "далекие огни").

Анҵамҭа ҳархиеит Ҭемыр Ачыгәба, Владимир Касланӡиа, Раиса Гәыблиа рышәҟәқәа хыҵхырҭас иҟаҵаны.

Асахьа © Антон Денисов

🧡 Ахьыуардын шәақәтәа
Please open Telegram to view this post
VIEW IN TELEGRAM
👍13🔥7
Ахьыуардын
Иналукааша аԥсуа сахьаҭыхҩы, ҳаамҭазтәи аҟаза Баҭал Џьапуа 60 шықәса ихыҵит. Аибашьраан Мрагыларатәи афронт аштаб аиҳабы, Леон иорден ианашьоуп, аҭынч ԥсҭазаараҿы абар уажәшьҭа 30 шықәса раахыс ҳкультура ԥхьаҟа изго рхаҿы дгылоуп Баҭал Џьапуа. Ахьы лбаашәаны…
Агәырӷьаҿҳәаша! Баҭал Џьапуа – Аԥсны Жәлар рсахьаҭыхҩы ҳәа ахьӡ ҳаракы ихҵоуп!

Аусԥҟа инапы аҵаиҩит аҳәынҭқарра ахада Аслан Бжьаниа.

Аҟаза! Даԥсоуп! Идаҳныҳәалоит! Аринахысгьы ақәҿиара дуқәа!👏🏻

🧡 Ахьыуардын шәақәтәа
Please open Telegram to view this post
VIEW IN TELEGRAM
🔥163👍2
Ахьыуардын
🔥"А́мцахара" иаанагои? Ари ижәытәӡоу ԥсуа ажәоуп, иӷәӷәоуп, иԥшӡоуп, х-ҵакык амоуп. Ҳаибашьратә ҭоурых ду уагәыланарԥшуеит. 1. Аешьара, жәлак еиднакыло агәакьацәа зегьы, а́мца + а́хара (круг близких родственников, однофамильцы), "а́мцахә" (доля огня) иеиԥшуп.…
Акыр иаԥсоу аҩызцәа! Ҳара ак шәаҳҳәоит, шәара ак ҳашәҳәоит, ҳара-ҳара ҳхеибарҭәаауеит, ҳцәажәоит хатәы бызшәала, ҭаацәашәала – Ахьыуардын ахықәкы хада уи ауп. Изаҳӡари, ҳара ҳзы игәадуроуп аканал иаԥхьо аҵарауаагьы ахьыҟоу🤗 Аҭҵаарадырра иааиԥмырҟьаӡакәа иҿиоит, абри анаҳаҩуа аминуҭқәа рзгьы.

Уажәы изхаҳҳәааз, абызшәадырҩы, апрофессор Лили Ҳагԥҳа "а́мцахара" ажәазы хәы змаӡам ахҳәаа ҟалҵеит: а́мца а́хара аҟынтә иаауазар ҟалап ҳәа! Урысшәала арцәажәара ахьынӡаҳалшо ала: протягивать огонь // нести во времени и пространстве непрерывный огонь.

Абас ишьақәгылаз ажәақәа иреиуоуп: а́мчхара (потенциал, возможность), а́қәхара (одолевать) – сымч ақәхеит (я это осилил). Иаҿшәырԥш убасгьы, "амца унаха-ааха" рҳәоит имеихсыӷьырц, ибзианы еиқәызарц азы.

Ус анакәха, азеиӷьашьара "Умцахара иазҳааит!" иаанагаҵәҟьо "Умца иахаша, еиқәызҵалаша, ԥхьаҟа изгалаша рацәаҩхааит" ҳәоуп, "Ужәла иазҳааит!" иашьашәалоуп. Иаҳҳәалап, ҳбызшәа абас ахьыршәыгәқәа аналах!🔥

🧡 Ахьыуардын шәақәтәа
Please open Telegram to view this post
VIEW IN TELEGRAM
👍13🔥32
Аҿиара, аизҳара атема иацҵауа, иахьатәи #асинонимқәа ахәыҷышьҭыхра иазкызааит👼🏻

"А" ала иалаго атәым ажәақәа уи аҟара ҳбызшәа дмырхәанчошәа иҟоуп, "ԥшрала" аԥсшәа иеиԥшуп азы. Аха збызшәа ацқьара иашьҭоу иахьатәи амедицинатә термин "акушерка" иҳәарц азы х-ажәак ҳхы иаирхәар ҟалоит: аԥҳәысеилыргаҩ, ахәыҷышьҭыхҩы, амадиа.

Абри аҵыхәтәантәи лымкаала аинтерес аҵоуп, ҳгәанала ахԥа рахьтә зегь раасҭа ижәытәуп, "а́мадара" (доверить, поручить, передать) аҟынтә иаауазар акәхап: амадиа – повитуха, "та, кому доверено взять на руки новорожденного".

🧡 Ахьыуардын шәақәтәа
Please open Telegram to view this post
VIEW IN TELEGRAM
👍15
Қыҭак аҿы хар змамыз
Хаҵа шьахәк дынхон,
Хаҭалагьы цәгьара зламыз
Уаҩыс дрыԥхьаӡон.
(Баграт Шьынқәба)

Аамҭа-аамҭала асоциалтә ҳақәа рҿы иалацәажәоит "хар сымам" абантәаауеи ҳәа. Шьоукы ргәаанагарала, XIX ашәышықәса аҩбатәи азбжазы аԥсуаа "ахара зду" жәларны ҳахьырыԥхьаӡаз иахҟьеит (виновное население). Аха "хар сымам" акырӡа-акыр иаҳа ижәытәуп.

Абас ҳҳәартә ҳҟазҵо хышә-зқьышықәса раахыс зхала аҿиара иаҿу абаза бызшәоуп, ҳашьцәа ашәуаа ирҿоуп "Хара гьсымам" ҳәа, аха иахьазы имаҷны ахархәара арҭоит, "ха́ра" рыԥсахит адыга бызшәаҟынтә иалалаз ажәа "льажьа" ала, уи аҵакгьы "вина" ауп.

"Хар амам" - "ицәгьам" иашьашәалоит иахьа (нормально, удовлетворительно). Аха аханатә иаанагоз Анцәа иҟынтә аара сыдым ҳәоуп "не имею вины, укора (со стороны Бога)". Ахара сыдуп уҳәозар – "я имею вину // виновен (в первую очередь перед Богом). Ҳбызшәа аныҿиоз аамҭақәа инадыркны Анцәахаҵара шацааиуаз шьақәнарӷәӷәоит.

Хыхь иааҳгаз Шьынқәба ицәаҳәақәа рҟны аԥсуа дунеихәаԥшра ашәага-загақәа ируаку Анцәеи-ауааи акатегориала дихцәажәеит ибаллада "Аҿырпын" иалоу афырхаҵа: раԥхьатәи ҩ-цәаҳәак – Ҳазшаз иҿаԥхьа хар имам, анаҩстәиқәа – ажәлар дызлоугьы цәгьара злам уаҩыс дрыԥхьаӡоит.

Асахьа © Иури Сомов, Аԥсуа быргцәа Лыхнашҭа, 1967 шықәса

🧡 Ахьыуардын шәақәтәа
Please open Telegram to view this post
VIEW IN TELEGRAM
👍17🔥5
"Ҳабдуцәа хыхьчаратә методикас ирымазақыҭақәа рҿы еизааигәаны иахьынхоз акәын. Ижәдыруеит, аԥсуаа ҳҿы иуқыҭану аҭыԥҳа "дысгәаԥхеит" аҳәара азин ыҟамызт, аха усҟан еизааигәазаргьы, еицәыхаразаргьы аԥсуа қыҭақәа еибабаны, аиуарақәа рыбжьарҵон, абас ахеибахьчара ыҟан".

Зҭоурыхтә ԥсадгьыл ахь ихынҳәыз, Леон иорден занашьоу Ерқан Қәҭарба иҿцәажәара аҟынтә. Даара аинтерес аҵоуп, шәазыӡырҩыр шәылшоит абра»

🧡 Ахьыуардын шәақәтәа
Please open Telegram to view this post
VIEW IN TELEGRAM
👍14🔥1
Хәаџьа Шардыни игәылацәа рқәаби🍚

Ҽнак Шардын қәабк аказы иҭаххан, агәылара дцан ауаара ааигеит. Ақәаб акыраамҭа иара иҿы иҟан. Ус зны агәылацәа рқәаб қәаб хәыҷык нҭаиргылан, изтәыз рҿы инеигеит. Агәылацәа ианырба иазҵааит, ақәаб ҳара ҳтәоуп, аха ари ахәыҷы абаҟаз ҳәа.

– Ари ақәаб хәыҷы абаҟаз шәымбои, шәқәаб сара ианызгоз еимгәазаарын, сара сҿы қәаб хәыҷык ариит, аԥагьы иаргьы еиҵакны ишәзаазгеит, иахьсышәҭаз ҭабуп, – ҳәа раҳәаны днахынҳәын аҩныҟа дцеит.

Даара акыр аабжьысхьаны Шардын агәылацәа рҿы деиҭацан, рқәаб ду ауаара рымхны иааигахт. Уи ашьҭахь даара акраамҭа бжьыст, аха ақәаб зтәыз рахь игом. Иааимгаӡозшәа анырба аӡә дрышьҭит Шардын иахь, ҳқәаб азы сааит ҳәа.

– Шәқәаб абаҟаху, иԥсит, иԥсижьҭеигьы акрааҵуеит. Адырра сызшәымҭагәышьеит, саҭашәымҵан, аԥсхәы анызуа ишәасҳәап ҳәа сгәы иҭоуп, – иҳәеит Шардын.
– Ақәаб шԥаԥсуа, ақәаб ԥсит ҳәа заҳахьада? – иҳәеит иааиз.
– Ҳаит, шәара абзамыҟәқәа! Ихьо шԥсуа шԥашәзымдыри? – иҳәеит Шардын.
– Ҳаҭоумҵан, ҳгаӡахеит – иҳәан днагьежьны аҩныҟа дцагәышьеит иааиз.

Еиҭеиҳәеит Маадан Сақаниа, ианиҵеит Константин Шьаҟрыл.

🧡 Ахьыуардын шәақәтәа
Please open Telegram to view this post
VIEW IN TELEGRAM
😁10👍7🤔1
Ахьыуардын
"Амуча" дазусҭада?
Ашколтә программа шәгәалашәазар акәхап аӡәырҩы?😊📚

Гәлиа, Коӷониа, Шьынқәба рҩымҭақәа рҿы акырџьара иаҳԥылоит "амуча", "амучацәа". Ари аԥсыуа ажәоуп, ақәыӷәӷәара актәи ацыра иақәшәоит. Акыр муӡо ичо иоуп изырҳәо а́-м-уы-ча (лодырь, дармоед, букв.: "питающийся, не работая"). Синонимқәас иамоуп амалакры́фа, амазе́ича, мцәаӷәача́, аԥлады́, абаҩда́н.

Иахьа ацәажәаратә бызшәаҿы ахархәара маҷуп (ма зынӡа иамам), уи аҟынтә ашколхәыҷқәа аурысшәа анырра иахҟьаны, ажәеинраала анырҵо ииашамкәа ақәыӷәӷәара дыргылар ауеит, аҭаацәеи арҵаҩцәеи иҳариашалароуп, ажәа аҵакы рзеиҭаҳәо, инамҩатәны ҳагьрылабжьо🤗

🧡 Ахьыуардын шәақәтәа
Please open Telegram to view this post
VIEW IN TELEGRAM
👍16
Ауаҩ ҟәыӷа ихы шҿихыз🌝

Аҳак дыҟазаарын, аха леишәацәгьакгьы. Уи иаҳаит итәылаҿы уаҩ ҟәыӷак дыҟоуп ҳәа. Ҽнак иаҳҭынрахьы диԥхьаны дааигеит. Аҩ-ашәхак реиԥш еиԥшыз ҩыџьа ахәыҷқәагьы ааган иаԥхьа иааиргылеит. "Абарҭ руаӡәы дыҷкәыноуп, аӡәы дыӡӷабуп. Иеиҩудыраар – уразҟы иакит, мап анакәха – ухы хыссоит!" – аҳ иаԥхьа итәаз инаидиҵеит.

Ауаҩ ҟәыӷа дааиҵаӷәӷәеит. Ахәыҷқәа еиҩдыраашьа рымамызт. Дагьаанаԥшааԥшит. Илаԥш нақәшәеит абҳәа ҟаланы ихьыдхәо иахьҿаз. Ахәыҷқәа иманы дынкылсын, днамҵагылан махәык дааханы, абҳәа ааиршәшәеит, нас ишәыҟәшәа ҳәа ахәыҷқәа инарыдиҵеит. Абраҟа иагьеилиргеит аҟәыӷа иҷкәынази иӡӷабзи.

Аҷкәын ииҟәшәоз абҳәақәа иџьыба иҭеиҵон, аӡӷаб лыблуза еиҵыхны лкалҭ илалҵон...

Платон Бебиа имшынҵақәа рҟынтә.

🔸Ҩ-ашәхак реиԥш еиԥшуп.
🔸Ҩ-
расацк реиԥш еиԥшуп.
🔹Похожи как две капли воды.

🧡 Ахьыуардын шәақәтәа
Please open Telegram to view this post
VIEW IN TELEGRAM
👍15
Ажәахәмарқәа👥

Еициз (близнецы) ҳәа ауаа рзы иаҳҳәоит, аԥсаса, ашьамаҟа рҿы еициз аныҟоу – аҩа́зақәа рыхьӡуп (уаанӡа ауаҩы изгьы ахархәара аман, абаза бызшәаҿы еиқәхеит).

Владмир Касланӡиа ари ажәа абас еиҿиршәшәоит: ҩа-за, ҩба + закы (два как один). Аҩа́за (подобный) ишнеиуаз аҩы́за алҵзар акәхап (друг; такой же).

Уҩыза дзеиԥшроу збар, уаргьы узакәу уасҳәап зҳәаз иеиԥш😉

📌 Акы/аӡәы ахыԥхьаӡара хьӡы закы́/заӡәы́ ҳәа иҟан аханатә, иахьа уи аанхеит ажәақәа "зны" (однажды), знык (единожды), зныкыр (когда-нибудь), зны-зынла (иногда) рҿы.

🧡 Ахьыуардын шәақәтәа
Please open Telegram to view this post
VIEW IN TELEGRAM
👍17🔥3
"Баҟә цоит, ар ацуп."

Аԥсшьара мшқәа ақыҭа бзазара иазкызааит. Ҳалагап акәтааӡара иазку аԥсуа жәаԥҟақәа рыла. 🐣

🟠Анхаҩы икәты ҽнак зныкоуп ианҵо.

🟠Акәты иамарчаз акәтаӷь дарчеит.

🟠Акәты иалшо акәтаӷь ауп.

🟠Уаҵәтәи акәты аҵкыс иахьатәи акәтәаӷь.

🟠Акәты ззырымшьуа ашԥы деилаҳауан.

🟠Акәты ашьыга ашьапхыц иҵнахуеит.

🟠Акәты џьара иҵоит, ҽаџьара икакоит.

🟠Агәыла икәты агәыла ҟызны ибоит.

🟠Аҭакәажә иҟәнылшьаз акәҷышь абга иагеит.

🟠 Акәты иҟәыннашьаз арбаӷь иагеит.

Афразеологизмқәа:

🔸Акәтаӷь былгьоит – тишь да гладь, да Божья благодать;

🔸Кәтыҿырҳасымҭак ахмырҵкәа – в мгновение ока;

🔸Кәтышьапхыцла иҩушәа – как курица лапой;

🔸Акәты ахы ыфаны дыҟоушәа – глупит, как будто съел куриные мозги.

#ажәаԥҟақәа

🧡 Ахьыуардын шәақәтәа
Please open Telegram to view this post
VIEW IN TELEGRAM
👍17🤗1