Ахьыуардын
1.27K subscribers
1.39K photos
222 videos
1.66K links
Ахьыуардын — аԥсуа бызшәеи, аҭоурыхи, акультуреи ирызку апроект ҷыда. Напбзиа-шьапбзиа ахьыуардын дақәтәоуп. Шәҳацла: ахьы хәыҷуп, аха шәкы ицоит, аӡә дышәҩыкны дҳаԥхьаӡоит.
Download Telegram
Тәахак амам, абжьы аныҩуеит
Ажьи ижьаҳәа,
Уи дахьжьиуа иашәа ахыҩуеит
Аҳабла, аӡԥшаҳәа:
– Аӷа уаха, улаха аӷьеҩҳәа,
Ҳа иҳарҭәап аџыр!
Акаҩ, акаҩ, акаҩ, акаҩҳәа
Ҳасп аихаӡа шыр!
..


Алықьса Џьонуа "Ажьи иашәа"

А́ӷа — убри ауп ажьираҿы Шьашәы рымца амч азҭо. Аихаӡеи аџыри рҭәаны, ирақьҭы-шәақьҭо ажьи их-напык рыла изыркуа. Днаха-аахоит рыҭәала, ирҟьацуеит жьаҳәала, аԥсынгьари иқәкны даасуа, иԥхӡы ныԥхьаҳәо. Кәицк ила иныхшәаларгьы, уаӷеимшхара, — иааҭнаџьаауеит.

Ианыкәҵәҟьаз аҳәара уадаҩуп, аха анкьа зны ажьиреи ахьиреи ирхылҿиааз ныҳәоуп Ажьырныҳәа, аԥхьа иныҳәозгьы ажьицәеи ахьицәеи ракәын. Ажьырныҳәа ԥсыуала ашықәс ҿыц аҭалара иазҳәоуп, уи акзаҵәыкоуп уахынланы иазгәаҳҭо, уаанӡа ахацәа шаанӡагьы аишәа иахатәазар ҟалон — амра гылаанӡа, амш ҿыц гылаанӡа. Ажьырныҳәа анымҩаԥырго аамҭазы жәытәла "ашықәсеиҩшара" ҳәагьы рҳәоит, уи иаанаго амш ацларахь ахы археит ҳәоуп. Ари мышкы акәым, мызкы-ҩынҩажәамш ҵыр ауеит зегьы иҟарҵаанӡа.

Аԥсуаа рыхдырраҿы ажьиреи ахьиреи — ныха цырҟьақәоуп, аиҳабы-аиҵбы ҳәа иҟоуп. Ажьирақәа еиҿыргон рымч еиҳагьы иӷәӷәахарц. Шьоукы џьбарақәоуп, илеишәацәгьақәоуп ҳәа ԥхьаӡан, иҟан "уи аҟара ифым" ҳәа ззырҳәозгьы.

Ажьырныҳәа амҩаԥгара аҽазыҟаҵара аҭахуп — доуҳала, марҭхәла; акәама-ҵама рацәоуп, доусы ишрықәу еиԥшӡам, аҭҵаара даара аинтерес аҵоуп. Иахьатәи ҳаамҭазы, ажәытәрақәа акыр ишынаскьахьоугьы, аҭаацәара ду еибазырбо, агәыбылра зцу абас аныҳәа ахьҳамоу гәахәара дууп. Алԥха-агәыԥха шәымазааит иаҵагыло зегьы! 🕯🌙

🧡 Ахьыуардын шәақәтәа
Please open Telegram to view this post
VIEW IN TELEGRAM
Please open Telegram to view this post
VIEW IN TELEGRAM
10👍6🔥5
Ажьырныҳәа (Хьачхәама) Жьиаа рҭаацәараҿы, Мгәыӡырхәа, 2026

📸 Томас Тҳаиҵыкә

Иазгәоуҭаша, аԥсуаа агәи-агәаҵәеи ианахныҳәо, иарбан ныҳәазаалак, аритуалтә чысхә иадыргало аџьыкахыш ауп, апырпыл џьыка адырбаӡом, абысҭа адырбаӡом, ача мацара (ахәажә, амгьал, акәакәар, аҳампал). Ари жәытә-натә аахыс иаауа традициоуп. Иааԥшуеит иԥшьоу ҳажәа "ачеиџьыка" аҟынгьы. Абаза бызшәаҿы ачеиџьыказы ирҳәоит иара убас "бысҭахьыки џьыкацыки" (хлеб-соль).

🧡 Ахьыуардын шәақәтәа
Please open Telegram to view this post
VIEW IN TELEGRAM
Please open Telegram to view this post
VIEW IN TELEGRAM
18❤‍🔥3🥰3👍1
Ажьырныҳәа (Шьашәныҳәа) адырҩаҽны арԥарцәа еизаны ацәҟьарақәа иреихсуан — аизҳара иатәуп ҳәа. Уи амш Хылаҵара, ма Хлаҵан ахьӡын.

ХЫЛАҴАРАМШ

Сеидру, ахқәа ахьынаӡара,
Аха рымҩа мҩамшуп!
Уа, хы-лаҵара, хылаҵара,
Хылаҵара иамшуп!

Ажәҩан ӡырҩуеит аҽырласуа,
Асырҳәы мԥақәа еилысуеит.
Ршәақь-мцақәа наргәыҵарсуа,
Уа ахьырԥарцәа хысуеит.

Ҵеи хазына хыцыԥхьаӡа
Аҳаҳаира, ҳаира!
Қыҭацыԥхьаӡа, хәыцыԥхьаӡа
Аҳаҳаира, ҳаира!

Ҳагәҭыхақәа ҳрыҵамхаӡо,
Шьыцрақәак ныбжьарӡны,
Чареи-чхәари ҳагымхаӡо,
Насыԥ лаша ҳацны.

Ҳазхьымӡақәаз ҳаԥкыланы,
Аҳаҳаира, ҳаира!
Зегь аӡәыкны ҳаидгыланы,
Аҳаҳаира, ҳаира!

Ажәҩан ӡырҩуеит аҽырласуа,
Ныҳәаԥхьыӡқәак шьҭыҵуеит.
Ршәақь-мцақәа наргәыҵарсуа,
Ахьырԥарцәа хысуеит.

Сеидру, ахқәа ахьынаӡара,
Аха рымҩа — мҩамшуп!
Уа, хы-лаҵара, хылаҵара,
Хьы-лаҵара иамшуп!

✍🏻 Рушьбеи Смыр

#алирика

🧡 Ахьыуардын шәақәтәа
Please open Telegram to view this post
VIEW IN TELEGRAM
Please open Telegram to view this post
VIEW IN TELEGRAM
8👍6
🎉Ахьыуардын хышықәса ахыҵит. Ажьырныҳәа аҽны, 2023 шықәсазы абра иҭыҵит раԥхьаӡатәи анҵамҭа.

Аҵарақәа "ҷыт" анырҳәа, аҷынҷагьы "ҷит" аҳәеит! Ари апроект аԥшьаҳгон Telegram аҟны аԥсуа бжьы агара хықәкыс ишьҭыхны, аԥсшәа амҽхак арҭбаара ҳҭахны. Иаҳҳәар ҳалшоит, шәара зегьы шәыбзоурала есыҽны уи ахықәкы нагӡахоит ҳәа. Акыр иаԥсоу аԥхьаҩцәа, иҭабуп шәахьҳацу! Ҽааны рҳәонаҵы шәагымзааит!

Хышықәса рыла аканал аҿы икьыԥхьуп ҩ-нызқь анҵамҭа инарзынаԥшуа. Урҭ рахьтә: #ажәаԥҟақәа тема-темала еихшаны 55 еизга; ҳпоетцәа ражәеинраала лыԥшаахқәа 40 инареиҳаны (#алирика); егьырахь зегьы — абызшәеи, аҭоурыхи, акультуреи, иналукааша ауааи ахҭысқәеи ирызкуп. Ара иҟам уалбагас ицәыргоу темакгьы, иҟоу ахәыҷы — аханатә гәаԥхашақә, иахьынӡауа еилкааны, ауаҩ ҿыцк ианаҳәарц, ма гәалашәарак изаанагарц.

Жәлар рфырхаҵа Аџыр-иԥа Данаҟаи иҳәалон "Ажәа ажәа ариуеит" ҳәа. Аԥсуаа убас иҟоу жәларуп, аибашьреи хьыӡрацарақәеи ԥсҭазаарас измазгьы ажәаԥҟала ицәажәон. Шәышықәсала ауаа ражәагьы нхон, русгьы нхон, ицқьаны. Ахьыуардын егьа ихәыҷызаргьы, агәыӷра дууп: изну амҩахәасҭа убас иҟоу аԥеиԥш ишазцо. Убри аҟынтә ара ианыло аҿарацәа ишрыхәо анаҳбо — зегьы иреиҳау гәахәароуп. Ажәа ажәа ариуеит. Ҳбызшәа ҳаиқәнархоит.

🧡 Ахьыуардын шәақәтәа
Please open Telegram to view this post
VIEW IN TELEGRAM
18👍11🎉9❤‍🔥3
Аџьықәреи зынӡа ҳәа аши-ахәыӡи аԥсахаанӡа аамҭала аӡлагарақәеи аӡылаҳәарақәеи еицуԥылон Аԥсны. Хыхьтәи асахьаҿы иаабоит аӡылаҳәа́ра зеиԥшраз (Шьалуа Инал-иԥа "Абхазы" аҟынтә).

Шәахәаԥш: имҿтәуп, аӡы амч ала аус ауеит. Аибыҭашьа мариаӡоушәа убоит, аха усҵәҟьагьы имариам. Аӡылаҳәара амеханизм иеиԥшнаҳшьалоит анкьа ар абааҭӡы иакәшаны иантәоз, ахаҳә дуқәа анҵаны изладыршәуаз абџьар хкы — азаанда́ҟ (катапульта). Уи ахәҭақәа зегьы ахьӡқәа рымазар акәхарын, аха ҳара ҳҟынӡа имааӡеит.

Ус акәзаргьы, ҳара иаҳдыруеит анапыла-лаҳәара аҟны излаҭасуаз амыруга ахьӡ — акалакәы́т абжьыуаа рҿы, аҭамскәа́гә — бзыԥаа рҿы (асахьа 2). "Акалакәыт" мҿтәуп, ихәыҷуп, аха ажәа ахаҭа даара аинтерес аҵоуп: еиҿыршәшәаны уахәаԥшыр, ицәажәоит "абаа зырбго" ҳәа! Аҟабардақәа ирымоуп ажәытә хаҵа хьӡы Къэлэкъут (Ҟалақәыҭ), букв.: "крепость разбивающий". Аԥсшәагьы иалоуп иамаԥсаху ажәа "аҟала́" (крепость), Нарҭаа репос аҿы иуԥылоит "абаа" инаваргыланы.

Уи моу, аԥсуаагьы ирдыруан ахатәы хьӡы Калакәы́т. Аҭоурыхтә драмақәа зыҩуа Анзор Мықәба иҩымҭа дагәылоуп ус зыхьӡу ахаҵа ("Уарда", ҩ-хәҭак змоу алегенда). Адыга бызшәаҿы ақәыԥсычҳаратә цыбжьыҟақәа аԥыжәара ргеит, аԥсшәаҿы — абруптивтәқәа (қәыҭ // кәыт), аха ажәа акоуп, ҳгәанала.

🧡 Ахьыуардын шәақәтәа
Please open Telegram to view this post
VIEW IN TELEGRAM
Please open Telegram to view this post
VIEW IN TELEGRAM
👍14🔥4
Ахьыуардын
Аибашьра зыԥсынҵры аркьаҿыз апоет 👔Ахьча Сакьа ирахә иман, Шакьа лааигәара ихьчалон. Ҭынч ашәшьыраҿ акәахьча дықәҭәан Аҿарпын аирҳәалон. Сакьа иҿырпын ашьҭыбжь хаара Шакьа даара илгәаԥхеит. Зны дизнеин, алашьцара Далак длыма аҩныҟа дцеит.👔 Ашәаны шәаԥхьазар…
Абзиабара азышәаҳәаҩ, "алирик ҟәымшәышә" Шамил Бганба диижьҭеи иахьа 105 шықәса ҵуеит (1921 - 1949).

Абаҩхатәра злаз, зырҿиаратә ҭакԥхықәра ҳаракыз, аха злахьынҵа зцымныҟәаз апоет-қәрахьымӡа, ашәаԥҵаҩы 28 шықәса роуп изыԥҵәаз. Аџьынџьтәылатә Еибашьра ду далахәын, уи аилгамҭаз ахәра ӷәӷәа иоун, хара дамышьҭит.

Шамил Бганба Аԥсуа театр аҟны аус иуан, абжьы бзиа ихан, хьшьыцбашәа дкәашон, иҩуан ажәеинраалақәа, ашәақәа, ажәабжьқәа. Ачамгәыр, агитара аирҳәон. Еизигон, ианиҵон ажәлар рҳәамҭақәа. Алитература аганахьала игәҭакқәа рацәан.

Аибашьра аҟынтә аҩныҟа данаа, ихәра дшаргәамҵуазгьы, арҿиара дазыхынҳәит. Напы аиркит инеиҵыху аҭоурыхтә поема "Лаша́" (аҳ иԥҳа лыхьӡ), аԥсуаа рхақәиҭратә қәԥара иазкны. Аҩымҭа хыркәшамкәа инхеит, аха иҟоу аԥшь-хыкгьы аԥхьаҩ иарҳәо маҷым, егьырҭ ацыԥҵәахақәа инарылакны аҭыжьра иаԥсоуп иҳәахьан алитератураҭҵааҩ Руслан Қапба.

Шамил Бганба иажәеинраалақәа реизга "Абзиабара ааԥын" ҭыҵит 1976 шықәсазы. Ишынеибаку ихааӡа иҟоу, ауаҩытәыҩсатә ԥхарра зҵоу лирикоуп. Уи аԥхьагьы, 1957 шықәсазы, ажәлар ирылаҵәеит иахьа уажәраанӡа зегьы бзиа еицырбо, апоет иԥсымҭазы иҭынхаз ашәа "Сакьеи Шакьеи".

Иахьа, аԥсуа музыка аҿар шаҵагылаз ала, издыруада, ишәҟәы заҵә иагәылаԥшны, ргәы иақәшәаша, хит ҿыцк злыҵша цәаҳәақәак рыԥшаар.

🧡 Ахьыуардын шәақәтәа
Please open Telegram to view this post
VIEW IN TELEGRAM
11👍7
Аԥсуа сахьаркыратә литература ашьаҭа зкыз дреиуоуп аламыс азышәаҳәаҩ Миха Лакрба. Ашәҟәыҩҩы, апоет, адраматург, асценарист, атеатрдырҩы, Аԥсны зҽаԥсазтәыз аҟазара аусзуҩ — диижьҭеи иахьа 125 шықәса ҵуеит (1901 - 1965).

Миха Лакрба инапы злакыз рацәан, абызшәақәа идыруан, иаамҭазы Асовет Еидгылаҿы иҿцаа, инеи-ааи ыҟан, аха хараӡа деицырдыруа дҟазҵаз иновеллақәа роуп. Урҭ тәылас иахьымнеиз маҷуп, жәабала абызшәақәа рахь еиҭаргеит, иашан, адунеи ихьӡ ахыҵәеит. Адунеи иахирҵәеит "ҩышә цәкамбашь ирызмырҵысуа" аԥсуа ламыс аӡбахә.

Миха Лакрба дшылкашәаз дызлааӡаз, ибла иабаз, илымҳа иаҳаз амилаҭтә культура ӡыригон. Хаҭалагьы — иаамысҭашәашьала, иҟазшьала, иуаҩышәала; иџьабаақәа рылагьы. Лымкаала, аԥсуа жәабжь ажанр даҽа хаарак аиҭеит, аформа напҟазала ицәит, аҵакы гәылиршәеит, аԥхьаҩ дзеиуалазаалак, игәы иҭымҵуа.

Шьалуа Инал-иԥа иҳәон: "Аҿа узааӡом, изхоуҳауа ыҟамзар", — ҳәа, Миха Лакрба аҿаԥыцуаа дрызҿлымҳан, ражәабжьқәа аниҵон, "сыуацәа бзиақәа" ҳәа дрышьҭан. Ибаҩхатәра зладууз ала, иара илшон хыҭҳәаала мацарагьы алитература арҿиара, аха хдыррала иалихит ижәлар рдоуҳа иалиааз, рҭоурых еиҭазҳәо аихаҳа-еиҵаҳара амҩа, ражәа амч анарха ацҵара.

Миха Лакрба, зегь раԥхьа иргыланы, аԥсуара дазышәаҳәаҩын. Уи азоуп иацгьы-иахьагьы ижәлар бзиа дзеицырбо, ахәыҷы инаиркны аду иҟынӡа.

🧡 Ахьыуардын шәақәтәа
Please open Telegram to view this post
VIEW IN TELEGRAM
8👍5🤗4
«Иҟоуп убас аԥсуа ажәак — Аламыс ҳәа. Даара акыр аҵанакуеит, даараӡагьы акыр аанагоит аԥсуа ихы-игәаҿы уи ажәа кьаҿ...

Исаҳақәахьеит аԥсуаа ирҳәоны: "Ҳарҭ аԥсуаа убысҟак ҳмаҷуп, ҳамч зегь еизганы арбаӷьк аҵоукыр, иаашьҭԥааны иаманы ицоит, аха ҳаԥсуа ламыс ҩышә цәкамбашь аурхаргьы, иахьышьҭоу ирзырҵысуам!"

Насгьы, иҭабуп аҭак рҳәоит, ҳаԥсуажәа иалоуп "Уаӷа дуаҭабуааит!" — ҳәа. Жәытәнатә аахысгьы аламыс злоу аԥсуа изын хаҵара дус иԥхьаӡамызт, уеизгьы-уеизгьы, ашьаура. Иаармарианы, икылатәаны ахысра акәӡамызт ихаҵараз. Уаӷа уара "иҭабуп" ҳәа уеиҳәо дузыҟаҵозар акәын уанфырхаҵаз, ауаҩ бзиаҵәҟьа ҳәа анузырҳәозгьы. Иус дуум ашьаура. Аҳаиуанқәагьы ирылшо ауп уи. Ашьаура анакәха, — аҽадагьы удҵыгьлоит, алагьы уцҳауеит иургәаар. "Иҭабуп" ҳәа аӷа иузирҳәартә узныҟәозар ауп уанхаҵабзиоу! Убри азоуп "Уаӷа дуаҭабуааит!" — ҳәа жәытәнатәгьы аԥсуажәа иаланы изырҳәо. Аламыс иаҵанакуеит убригьы.


"Аламыс" ҳәа абас аԥсуаа зыӡбахә рымоу ажәа ԥсыс ирхоуп нҵәара зықәӡам, иссиру ажәлар рҳәамҭақәа, рашәақәа».

✍🏻 Миха Лакрба

Аламыс иазку ажәаԥҟақәа>>

🧡 Ахьыуардын шәақәтәа
Please open Telegram to view this post
VIEW IN TELEGRAM
13🔥3❤‍🔥2👍1
Forwarded from Sputnik Аԥсны
Media is too big
VIEW IN TELEGRAM
🔸Аԥсны Жәлар рсахьаҭыхҩы Баҭал Џьапуа ицәыргақәҵа "Нарҭаа рыҩны" аатит Аҟәа.

Аҟәатәи ацәыргақәҵатә хыбра азалқәа актәии аҩбатәии аихагылақәа рҿы ицәыргоуп аԥсуаа ржәытә епикатә ҳәамҭақәеи, рмифқәеи, ртрадициатә қьабзқәеи ирызку 120 инареиҳаны усумҭа.

Урҭ рыхәҭак еицырдыруа аԥсуа жәабжьҳәаҩ Маадан Сақаниа еиҭеиҳәаз аҭоурыхқәа ирыдҳәалоуп.

"Аԥсуаа нарҭаа ирхылҵшьҭроуп ҳәа рхы рыԥхьаӡоит, урҭ нарҭаа ирхылҵит. Убри аҟнытә Маадан Сақаниа иҳәамҭақәа "Нарҭаа рыҩны" атема даара еилыкка иагәылалоит", — иҳәеит Баҭал Џьапуа.

Џьапуа иҳәеит ас еиԥш атематикатә цәыргақәҵа раԥхьаӡакәны ишымҩаԥысуа.

Ацәыргақәҵа "Нарҭаа рыҩны" аҭааҩцәа рзы иаартуп жәабран 22 рҟынӡа.
❤‍🔥14👍2🎉2
Уажәшьҭа 80 шықәса инареиҳауп Тҟәарчал арацәа аҵхра иалагеижьҭеи. Иаҳа ихьшәаны иаадыртыз аҩбатәи ашахтагьы аусура ҵысит 1946 шықәсазы. Усҟан Тҟәарчал ақалақь астатус аиухьан (1942), аибашьра иаҿыз Асовет Еидгыла ду иацхраауан. Аха ааглыхрахь анеира акыр аамҭеи аҽазыҟаҵарақәеи аҭаххеит, ари Нестор Лакәаба ихаан, аӷьараҳәа Аԥсны данахагылаз зышьаҭа икхьаз усын.

Тҟәарчал арацәа шыҵоу гәазҭаз аԥсуаа роуп. Уи ҟалеит ХIХ ашәышықәса анҵәамҭазы. Шьхацан аихьшьцылацәа Арышааи, Аргәынааи, Гәарамиааи еицны, рырахә рыманы иахьтәаз, Аҟармара. Аԥсуа жәлар рҿаԥыц рҿиамҭа 11-тәи атом иагәылоуп "Тҟәарчал арацәа шаадырԥшыз" ҳәа хьӡыс измоу, Симон Басариа ихҳәаалоу ажәабжь. Ианиҵеит Валентин Кәаӷәаниа, Шьалодиа Басариа иҳәамҭаны. Даара аинтерес аҵоуп аҭоурыхи аетнографиеи рганахьала, иааҳгоит цыԥҵәахак:

"Ахәыҷқәа ргалон ашьха ианцоз ажәытә. Ахәыҷы дахьнеилакгьы амца далахәмаруеит, арҭ аихымцеи, ашьанҵеи, ацәымсеи ахәыҷқәа аӡә иџьыба иҭазаарын, ауахәа ду ахькажьыз, ацәымса амца наркны, амца ацрарҵеит. Ауахәа амца ахьацрарҵаз иӷыӷкны иҟан, ибылуа ишнеиуаз, ари арацәа ааигәаны хыхь иқәзаарын ԥыҭк, арацәагь амца акит. Адгьыл амца акуа ианалага, уахык, ҩаха, хаха алҩа анықәч, – Иҟозеи?! – рҳәан, ахьшьцәа ҩеит. Иахьҩеиз ауахәа ҳәа агьрымбеит – иццышәхахьан, адгьыл амца акны алҩа ыҵыҩруа ирбеит.
– Ҳаи, Анцәа-ҳазшаз, уаҳзылԥха, ҳаиасны ҳанаауаз Лашькьындар иагәамԥхаз ак ҟаҳҵазар акәхап! – рҳәан, ахәымбыҽха иангәарла зегьы, ашьтәа ԥшӡақәа шьны агәи агәаҵәеи ала Анцәа иашьапкит. Аха ари ахәо иҟазма, мчыбжьык, жәамш адгьыл амца акуп, имкьаҭеит. Ари анымкьаҭаӡа, ақыҭарахь иаарыцҳаит абыргқәа рахь, – Адгьыл амца акит, – ҳәа..."


Анаҩс, ажәабжь ишаҳәо ала, Аҟәа Ашьхарыуаа рышкол иҭаз Едрыс Аршба иџьыба иҭаҵаны игеит ԥхныгак иаҟараз арацәа ҽыҭк. Ианырба, атәы здыруаз иҭырҵаан, еилкаахеит ахаҳә рацәа шакәыз. Аԥсуаа "аӷба рацәа" ҳәагьы иашьҭан иара, анкьа аӷбарныҟәага былтәыс иахьыҟаз азы. Дырмит Гәлиа ибызшәаҿы иуԥыло "амца ӷба" аетимологиа ахьынтәаауагьы уи ауп.

📖
А́ихьшьцылацәа — зырахә еилаҵаны ашьха изго ахьшьцәа

🧡 Ахьыуардын шәақәтәа
Please open Telegram to view this post
VIEW IN TELEGRAM
11👍8😇2
Жана Ачба иҳәамҭоу, афоризмқәа ирышьашәалоу ацәаҳәақәа

Аҵабырг иахылҵыз ажәа
Аҳәаццышә еиԥш иҵархоит.
Амц иахылҵыз ажәа
Ашәхымс иузахыгом, ицагәхоит.

***
Ажәа хаа аҵкыс
Ажәа аша еиӷьуп.
Ҳаскьын ашоуп
Ахәшә злырхуа,
Ачымазаҩ ихәо,
Иоур ианаамҭоу.

***
Ашьыцра, ахәангара
Ауаҩы дҭанархоит,
Ацлабра, аисара
Ауаҩы дыҭнагоит.

***
Ушнеиуа умҩахҟьар,
Ахага уиҿашәар,
Уеимаагьы иҭ,
Ухылԥагьы иҭ,
Наҟ уиԥырҵ,
Имҩа уаныҵ.

***
Ауаа рӡамҩа
Ахәыц иадыршәылаз ибон,
Иара ишә-гәашә илажьу
Аԥарч гәеиҭаӡомызт...

***
"Згәы цаз"
Лыхны ашҭа ҳантәаз,
Аҭәа ду ашьашәыр иамкуаз,
Аалӡга аибашьра ҳаныҟаз,
Жьак атәарҭа зызхаз
Шьмаф-иԥа ахаҵа, уаа...

***
Ажьи адунеи иԥсахын,
Ицәеихеи иԥызеи нхеит.
Аҟәыш адунеи иԥсахын,
Иажәа ауаа ирзынхеит.


📆 Аҷандаратәи аԥхьарцарҳәаҩы, апоет-сатирик, жәлар рҿаԥыц традициа аиқәырхаҩ Жана Ачба диижьҭеи сынтәа 180 шықәса ҵуеит. Афоризмқәа — Гьаргь Гәыблиа еиқәиршәаз ашәҟәы "Жана Ачба: Зхылԥа зқьашаноу" аҟынтә


🧡 Ахьыуардын шәақәтәа
Please open Telegram to view this post
VIEW IN TELEGRAM
11👍7🔥3
Даара игәалсра дууп Пиотр Кәыҵниа иԥсҭазаара дахьалҵыз. Аԥсуаа рантропологиа аганахьала даӡәыкны иҳамаз аҵарауаҩ нага.

Пиотр Кәыҵниа икандидаттә диссертациа Аԥсны ашьагәыҭ жәлар рморфологиатә ҷыдарақәа ирызкын, қәҿиарала ихьчеит Москватәи аҳәынҭқарратә университет иатәу Антропологиа аинститут аҟны 1983 шықәсазы. Ақәра ду нызҵыз рыҭҵааразы Аԥсны имҩаԥысуаз жәларбжьаратәи амедико-биологиатә експедициақәа дрылахәын. 40 шықәса инареиҳаны Дырмит Гәлиа ихьӡ зху Аԥсуаҭҵааратә институт аҟны аус иуит.

Илшамҭа дуқәа рахь иԥхьаӡатәуп иара убас абиологиа амаҭәар иманшәаланы, игәылҭәааны аԥсышәала иахьирцәажәаз — аҵиаақәа ртәы хазы, аԥстәқәа ртәы хазы. Аҵыхәтәан иҭыҵыз иусумҭа дуқәа иреиуоуп 20 шықәса инареиҳаны аус здиулоз аԥсуа жәлақәа рхылҵшьҭреи ажьрацәарақәеи ирызку ишәҟәы. Жәлацыԥхьаӡа 150 хсаала еиқәиршәеит уи азы.

Иҟоуп макьанагьы акьыԥхь зымбац иҭҵаамҭақәа.

Пиотр Кәыҵниа дшыҷкәыназ аԥсуаа рмилаҭ-хақәиҭратә қәԥара иалагылаз рабиԥара даҵанакуеит, "60-ҩык рышәҟәы" ҳәа аҭоурых иадыруа знапы аҵазҩыз дреиуоуп. Аԥсны жәлар рџьынџьтәылатә еибашьра далахәын, аамҭала Нхыҵ-Кавказ Аԥсны Иреиҳаӡоу Ахеилак апресс-маҵзура аусура ҳәаақәиҵон.

Аҭҵаарадырраҿы иҟаиҵаз илагала хатәразы "Ахьӡ-Аԥша" аорден III аҩаӡара ианашьан. Иуаҩреи иҭакԥхықәреи ҳаракӡан. Иус ахы инаркны аҵыхәанӡа агәра игон, икамыжькәа даҿын. Ихьӡ казмыршәуа иааԥсарақәа рацәоуп. Иԥсаҭа лашахааит!

🧡 Ахьыуардын шәақәтәа
Please open Telegram to view this post
VIEW IN TELEGRAM
8🙏7🔥3
📌 Ажәа бзиоуп

Аԥсы́раӡа

"Зыԥсы раӡоу" — зынӡа ԥсыцәгьарак злам, адунеи хызфаарц иашьҭам, ақьиа, аԥсыцқьа, ауаҩ иаша. Аԥсҭазаараҿы абас рҳәоит амалрҳаразы аӡәы ихәура иҭамло, амаҷ зхы алазыгӡо, ахпатуқәҵара злоу, зхәы иаҭәҳәаны изфо ауаа рзы.

Ажәа ахалагьы "агәыраӡа-ԥсыраӡа" ҳәа еилангьы иаҳԥылоит асахьаркыратә литератураҿы (Рушьбеи Смыр, Инна Ҳашԥҳа, Белла Барцыц ражәеинраалақәа рҿы). Аха иаҳараку астиль мацара иатәны иҟаӡам, аԥсшәа иагәҭылсоу ажәоуп.

Иаҳҳәап, ашәарыцацәа рзы иуҳәар ауеит "рыԥсы раӡоуп" ҳәа, абна алеишәа еиламгакәа иқәныҟәозар: ирзышьҭыхуа аиҳа рымшьуазар, зынӡа аԥсқьарра, аԥсымҭәра амԥангьы иҟамзар, ашәарах, аԥсаатә хырымшьаауазар. "Зыԥсра аахьоу ҳаҭ; зыԥсра ааигәам ҳадумжьалан" ҳәа иҟоу аформулақәа ирыҵоу аидеиа уагәылаԥшыр, аԥсыраӡара иатәуп. Хара уԥшуазар — ахеиқәырхара, аԥсабара аиҷаҳара.

Аԥсыраӡара ауаҩы ициӡом, дшәыцыԥхьаӡа дзызнеиуа уаҩышәароуп. Ианакәызаалак аматериалтә дунеи аҿы ауаҩԥсхылҵ дхызхуаз рацәан, ирацәоуп, аха инеиужьны иҽеимҭозароуп, аҽынкылара илазароуп. Шәышықәсала иаауа адинхаҵарақәа рҟынгьы ачгарақәа (аҿбаарақәа), ма еиуеиԥшым аскезақәа ззырхоугьы, раԥхьаӡа иргыланы, аԥсыраӡара ауп (духовное очищение; нравственное совершенствование).

#ажәа_бзиоуп

🧡 Ахьыуардын шәақәтәа
Please open Telegram to view this post
VIEW IN TELEGRAM
11👍7💯3