Кьаразаа арык еиԥш еилаҵәаны иҟан, анхамҩаҿеиԥш аибашьраҿгьы еивагылан. Агәыԥ иалаз зегьы рмыругагьы рабџьаргьы рыла еибыҭан. Иаалырҟьаны ақәылара ҟалозар, ргәы рҽанын. Аԥсуа хаҵа еснагь иабџьар иааигәа иҟан, идгьыл данықәаарыхуагьы идгьыл ахьчара дазхиан. Аԥсны жәлар рсахьаҭыхҩы Баҭал Џьапуа имоуп уи аазырԥшуа асиужет: арашәаҩ ивара алабашьа арсны, иабџьармаҭәа уа ихшьны. (Алабашьа ныҟәзымгоз аҵәы аирсуан, ихҭра, иҟама уа икнеиҳауан). Абригь азмырхакәа аԥсҭақәа рҿы аԥшыхәцәа дыртәон, аԥсҭыр жәылар алеи-ԥси рыбжьара аҳәҳәацәа ааны ақыҭа адырра рырҭарц.
Кьаразаа реиҿкаашьа аформа ауниверсалтә ҟазшьа аман. Аилыргара аусқәа рхахьы иргар рылшон, аӷьычцәа ркуан, ацәгьоуцәа рықәнага иақәдыршәон. Ажәлар рымчра ҳәа азуҳәартә иҟан, акыр иӷәӷәан. Уи аҟынтә ҭауади-аамсҭеигьы дара иахьрымараз рхы ианадырхәоз ыҟан. Иџьашьатәым 1917 шықәсазтәи ареволиуциатә ҵысрақәа раан аҳратәра иаҿагыланы ақәԥара аҽраԥшрала Аԥсны ахақәиҭра иазықәԥоз аԥсуаа Кьараз ҳәа хьӡыс иахьышьҭырхыз.
Аицхыраара ахацәа рыбжьара мацарамызт иахьыҟаз, ацуҭа аҳәса рыбжьарагьы иҟан (аласа аус адулараҿы, асра-ахахара, арышҳараҿы), ахәыҷқәагьы аладырхәуан ирылшоз аҟны (иаҳҳәап, араҟәыбара, акаканҟәшәараҿы), уи аџьа алааӡара иахәҭакын. Баша ирҳәомызт аусура уаҩ дааӡоит, аашьара дыбжьнахуеит ҳәа.
🧡 Ахьыуардын шәақәтәа

Please open Telegram to view this post
VIEW IN TELEGRAM
👍11❤4👏2
Иқәԥоит арҩаш шәышықәсала
Ашьха дукәа рыгәҭаны,
Ацаҟь шәыгәра иадыҽҽало
Ицоит ишәахха, ицәқәырԥаны.
Аԥҭа ҟәашқәа уи акалҭаҿ
Ииуеит араҟа иласӡа,
Нас еишьҭала урҭ жәҩан аҵаҿ
Иӡсоит дунеи рҽахьыгӡа.
Ахшцеиԥш арҩаш шыкьуа
Ицәажәоит абахәқәа рыгәҭа,
Ижәылоит арҩаш ԥхьаҟа иҭрысуа,
Шәышықәсала иқәԥоит иҭҟьа.
Уи аиааира гәоумҭарц залшом,
Ааи, иззықәԥоз иаԥсахеит.
Уи иакызшәа акалам ҵар,
"Сымҩа" ҳәа ацаҟь ианнаҵеит!
Анатоли Аџьынџьал
#алирика
📆 Шәадныҳәалазааит қәԥарала иаагоу Аԥсны Аконституциа амш!
🧡 Ахьыуардын шәақәтәа
Ашьха дукәа рыгәҭаны,
Ацаҟь шәыгәра иадыҽҽало
Ицоит ишәахха, ицәқәырԥаны.
Аԥҭа ҟәашқәа уи акалҭаҿ
Ииуеит араҟа иласӡа,
Нас еишьҭала урҭ жәҩан аҵаҿ
Иӡсоит дунеи рҽахьыгӡа.
Ахшцеиԥш арҩаш шыкьуа
Ицәажәоит абахәқәа рыгәҭа,
Ижәылоит арҩаш ԥхьаҟа иҭрысуа,
Шәышықәсала иқәԥоит иҭҟьа.
Уи аиааира гәоумҭарц залшом,
Ааи, иззықәԥоз иаԥсахеит.
Уи иакызшәа акалам ҵар,
"Сымҩа" ҳәа ацаҟь ианнаҵеит!
Анатоли Аџьынџьал
#алирика
Please open Telegram to view this post
VIEW IN TELEGRAM
1❤18🔥10🥰2
Сынтәа иҭыҵыз ашәҟәқәа иреиӷьу ирхыԥхьаӡалатәуп ҳәа ҳгәы иаанагоит ааигәаӡа алашара збаз Смыр Чықь игәалашәарақәеи Смыр Џьон ианҵамҭақәеи еидызкыло аизга "Аамҭақәа реигәныҩра"! Даара узеигәырӷьаша, ихатәроу ҭыжьымҭоуп аҭоурых аганахьала, абызшәа аганахьала, асахьаркыратә нырра иунаҭогьы налаҵаны. Уаԥхьа иаагылоит аԥсуа гәыцқьа зызҭаз ахацәа рыхҭысқәа, ҳажәлар рнысымҩа знысымҩаз. Аԥсуаразы хазы арҵага шәҟәы аҭаххаӡом, абас ахы инаркны аҵыхәанӡа Аԥсуара згәылжжуа ашәҟәқәа ирылааӡазар ҳҿар. Хымԥада изыԥхьатәу акоуп. Ибзиангьы еиқәыршәоуп. Абар цыԥҵәахак:
(Аԥсуара шаҳшьо еиԥшымхар, ҳмилаҭтә хдырра, ҳаӡәкра хьчахаӡом ҳәоуп иаанаго)
"Ахатә ԥсадгьыл зегьы ираҭәам. Ҭоурыхла ианумам, егьа уҽушәаргьы мчыла иузыԥшаауам, уи лахьынҵоуп! Уразҟы ианалашәа уҽаларԥсны икы, ажәҩангәашәԥхьарақәа иреиӷьу змоу уара уоуп. Жәларык рхеиқәырхаразы зыҩаӡара Ақәахь инагоу, ус мыцқьа-шәқьа узыхцәажәашагьы акакәӡам! Уаҟа, егьа уадаҩра уаниаргьы, Ҳазшаз Анцәа ду аԥсҭазаара анишаз инаркны, ужәлар ишраҭәеишьахьаз дырны уеиқәҟаца уаназгыла, иулымшаша арбан? Уара уаԥсуоуп – ирзыларҟәуа уреиуаӡам, уи алагьы угәы дууз, азқьышықәсақәа ашәалҟьамреиԥш иргәыларсу ухьышьҭра хазуп… Иҟам "аҵабырг" аԥшаара уашьҭаланы иутәым уахьнымҳалан – илашарбагаха иаҳзыҟоу Ҳаԥсуара зегь харҭәааны иаҳәоит! Атәымџьара иузаламгӡо – умшәа-умырҳа, уабацәа ршьара ду шьҭыхны – ҽԥныҳәада уаԥшәыманы уахьгылаша уҭыԥоуп! Араҟа, зны ажәҩан лашьцахаргьы, агәыцқьа зызҭоу аԥсуа изыҳәан еснагь илашоуп… Уԥсадгьыл ианушьаша адунеи аҟны ишыҟам уазхәыцны уанагәҭамс, уан леиԥш иузгәакьоу аԥсабара цәымӷс уакӡом. Уи агәамч лаша иԥсҭаҵагаха еснагь иуныруеит".
Ашәҟәы "Аамҭақәа реигәныҩра" аҟынтә, 2025 шықәса
🧡 Ахьыуардын шәақәтәа
"Ҳшьарақәа анеиқәымшәа – ҳақә еизакхаӡом!"

❤12👍3🥰3😭2
• Аԥсуара – ихьыԥшым хақәиҭроуп.
• Аԥсуара иахылаԥшуа Аԥсуа хаҵа иакәзароуп.
• Адырра бзиагьы аԥсуара ацзароуп.
• Ҳабдуцәа дуқәа хара инаскьахьаз рыхьӡ-рыԥша зырмацәысуаз раԥсуара акәын.
• Атәым шьагашьа уахьчаӡом – уахәаҽуеит.
• Аԥсуара инымҵәаӡауа иссиру дунеиуп.
• Аԥсуара ашьха ӡыхь еиԥш икәеи-кәеиуа ицқьоуп.
• Аԥсуара хеиқәырхагоуп!
• Аԥсуара шәҟәыла иузҵаӡом, шьала-дала иулазароуп.
• Аԥсуара анакәха – зегьы раԥхьа ҳхы аиааироуп.
• Аԥсуара анҿыхоу ишьардоуп алшара.
• Аԥсуара аҳаракыра аԥсуа жәаԥҟақәа ирныԥшуеит!
• Ажәлар анҿыхоу зегьы рҭыԥ аҟны игылоит.
• Ианҭынчроу игәрымуа ианшәарҭоу дыбналоит.
• Зыжәлар ирабашьуа хьӡы изымгаӡацт.
• Зԥеиԥш зхьаау иҭоурых дазҿлымҳауп.
• Афы уцырҟьозаргьы, уеиҭазҳәо думазароуп!
• Ҽыԥныҳәа змам иоуп зажәа мчы амоу.
• Ацәгьеи абзиеи рыхәшьарақәа зцәеилагаз ажәлар рԥеиԥш
лашәуп.
• Уанаԥсуаха, угәашьамх ӷәӷәазароуп, умилаҭ хдырра – еиҳагьы.
#ажәаԥҟақәа
Ашәҟәы "Аамҭақәа реигәныҩра" аҟынтә, 2025 ш.
Please open Telegram to view this post
VIEW IN TELEGRAM
❤19🔥4
Ахьыуардын
Арубрика ҿыц! Ашколхәыҷқәа рбызшәатә хәыцшьа злагәоуҭаша атест ✅ Ҵаҟа иаагоу ажәеицааирақәеи ажәеилаазарақәеи еиуеиԥшымкәа аԥсышәала иуҳәар ауеит. Аха аҿар рабиԥареи аиҳабацәеи рҭакқәа шамахамзар еиқәшәаӡом. Иԥышәшәа шәҭаацәараҿы: шаҟа шәеизааигәахо аҟара…
Ари анҵамҭа азҿлымҳареи ақәҿыҭреи аиуит, ус анакәха, иацаҳҵоит ✅
Ашколхәыҷқәа рбызшәатә хәыцшьа аилкааразы (II ахәҭа)
• Названый брат —иашьас иҟарҵаз,
• Они назвались братьями —еишьцәеибатәит, еишьцәас иҟеибаҵеит;
• Он их поблагодарил (ажәакны) —драҭаб уит,
• Гранат раскрылся —амыҵмыџь еимҟәыӷьит; еиҟәԥеит,
• Коротаем ночь —аҵх ԥаҳҽуеит; аҵх ҳгоит,
• Передняя часть двора —ашҭа аԥынҵа ; ашҭа уахьынҭало,
• Свеженабранная вода —аӡы ҿыцтара; аӡыхь,
• ◊ Ни рыба, ни мясо —◊ иагьҩым, иагьӡым,
• Себе на уме —ихаҳәатәы дҭоуп,
• Молодое ореховое дерево —араҵыс,
• Поют соловьи —аҟармаҵарақәа шәаҳәоит,
• В целости и сохранности —еибга-изҩыда; каҳада-ԥҽыда
Шәара ишышәҳәо хазызар, иаҳзанышәҵа🙌
🧡 Ахьыуардын шәақәтәа
Ашколхәыҷқәа рбызшәатә хәыцшьа аилкааразы (II ахәҭа)
• Названый брат —
• Они назвались братьями —
• Он их поблагодарил (ажәакны) —
• Гранат раскрылся —
• Коротаем ночь —
• Передняя часть двора —
• Свеженабранная вода —
• ◊ Ни рыба, ни мясо —
• Себе на уме —
• Молодое ореховое дерево —
• Поют соловьи —
• В целости и сохранности —
Шәара ишышәҳәо хазызар, иаҳзанышәҵа
Please open Telegram to view this post
VIEW IN TELEGRAM
Telegram
Ахьыуардын
Арубрика ҿыц! Ашколхәыҷқәа рбызшәатә хәыцшьа злагәоуҭаша атест ✅
Ҵаҟа иаагоу ажәеицааирақәеи ажәеилаазарақәеи еиуеиԥшымкәа аԥсышәала иуҳәар ауеит. Аха аҿар рабиԥареи аиҳабацәеи рҭакқәа шамахамзар еиқәшәаӡом. Иԥышәшәа шәҭаацәараҿы: шаҟа шәеизааигәахо аҟара…

❤15👍6🥰3🙈1
Дырмит Гәлиа авторс дызмоу раԥхьаӡатәи "Аԥсны аҭоурых" ашәҟәы ҭыҵижьҭеи сынтәа шәышықәса ҵуеит. Жәашықәса инареиҳаны аус здиулоз ари аусумҭа ду алашара абеит Қарҭ, 1925 шықәсазы.
Ажәлар рырҵаҩы, алитература ашьаҭаркҩы, аклассик, шә-уск инапы шрылакызгьы, даара игәы иҵхон аԥсуаа рҭоурых еицамккәа, еизакны, инҭырҳәцааны изҳәоз, ҿыгҳарыла ихәыҷызаргьы, шәҟәык ахьыҟамыз. Убри аҟынтә ихы иадиҵеит "аԥсуаа рыԥсҭазаашьеи, рыбзазашьеи, рыҿиареи, егьырҭ амилаҭқәа ирылазмырҩашьо рцәаҩашәа-психологиатә ҷыдарақәеи ртәы зҳәо аҭоурыхтә усумҭа" аиқәыршәара.
"Абызшәа зегьы ирыцкуп, уи зегь аҵанакуеит", — ҳәа Гәлиа ԥсра зқәым иажәақәа абри иџьабаа аҟынгьы хра шрылоу ааԥшуеит. Аԥсны аҭоурых аҩраҿы иара шьаҭас иҟаиҵеит аԥсуа бызшәа, иадигалеит абызшәатә, афольклортә материал рацәаӡаны. Акыс, усҟан археологиатә материал зынӡаск имаҷын. Ус шакәугьы, Аԥсны аҭоурых иазкыз акырзҵазкуа адыррақәеи, ахыҵхырҭақәеи иааизыԥшааз зегь адгаланы, ахҳәаақәеи азгәаҭақәеи ацҵаны, ашәҟәы хатәра иҩит.
Ашәҟәы аатуеит ихы иаирхәаз алитература аиқәыԥхьаӡарала — 80 инареиҳаны ахыҵхырҭақәа (аԥсышәала, урысшәала, қырҭшәала, агерман бызшәала). Дазхьаԥшит аԥсуа жәлар ржәытә-рҿатә, рхылҵшьҭра инаркны рмифологиеи рынцәахаҵареи аҟынӡа. Иаликааит анаҩстәи аҭоурыхҭҵаараҿы азхьаԥшра зауз ахырхарҭақәа, иаҳҳәап, аԥсуаа ҳабдуцәа рабдуцәеи ахеттааи реизааигәара атәы.
Ашәҟәы аҭыҵра иеигәырӷьеит усҟантәи аԥсуа интеллигенциа, арҿиаратә елита, ахәшьара ҳаракы иаԥсахеит аҵарауаа рҟынтә. Дырмит Гәлиа игәы ацԥыҳәаны аус иуан, игәы иҭан "Аԥсны аҭоурых" аҩбатәи атомгьы аҭыжьра, аха ҳазмырӷьацоз амчқәа уи алдмыршеит. Уи моу, рҵага шәҟәны иҟалашаз актәи атомгьы иақәыӡбан, абиблиотекақәа ирымхын, акыраамҭа аиҭаҭыжьра азин ыҟмызт. Изхдырҟьазгьы уи ауп, аԥсуаа рышьақәгылараҿы ақырҭқәа рҭоурыхгьы, рхаҭақәагьы ныррас ирымаз егьыҟам ҳәа алкаа ҟауҵартә иахьиҳәаз.
Абасала Дырмит Гәлиа ауадаҩрақәа шиԥылазгьы, аамҭа иамкәкәааны, иеилахара даиааины, ҵхла дмыцәаӡакәа иусумҭа дадтәаланы, 1920-тәи ашықәсқәа рзы илиршеит амилаҭтә ҭоурыхҭҵаара ауасхыр ашьҭаҵара, ажәлар рхысдырра рԥеиԥш азы аҵак ду шамоу ашьақәырӷәӷәара.

👍14❤9🙏2❤🔥1😭1
Аԥсны Афырхаҵа, аҭоурыхтә ҭҵаарадыррақәа рдоктор Асланбек Марзеи иқәраныҳәоуп иахьа — 60 шықәса ихыҵит.
"Ашьхаӡыхь еиԥш дыцқьазароуп, ахаҵа анырҳәа" — ҳәа ажәлар рашәа иалоу абарҭ ажәақәа рыла узыхцәажәаша дреиуоуп Асланбек Марзеи — зажәагьы зусгьы цқьоу, инагӡоу, зыуаҩралеи зҟәыӷаралеи ауаа ирдыруа.
1989 шықәсазы Аҟәа аибарххарақәа аныцәгьаха Асланбек иқәлацәа гәыԥҩык ицны ашьха ихыҵны Аԥсныҟа иааит, аԥсуа жәлар рхақәиҭратә қәԥараҿы ишрывагылоу аадырԥшырц. Араҟа аҩызцәа дырҳаит, нхыҵ-аахыҵ аҿар рыбжьара аимадарақәа ҟалеит. Иара усҟан дырԥылеит аԥызарахь зымҩа хаз, заԥхьаҟа аус дуӡӡа шьҭаз Владислав Арӡынба.
Аԥсны аибашьра аналага, мышқәак рыла ҩаԥхьа шьхала дааит, уажәшьҭа бџьарла деиқәных, иҭаацәараҿы дԥазаҵәны, ҳадгьыл иԥсы ақәҵара дазхианы. Мамзышьха деибашьуан, Гагра араион ахақәиҭтәра далахәын. Анаҩс Очамчыра агаразы аҽышәара ыҟан, актәи Шроматәи ажәылара далан (абҵ, 1992). Уи ашьҭахь иԥсадгьыл ахь дыхнымҳәыр амуит, Нальчик имҩаԥысуаз ахынҭа-ҩынҭарақәа ирыхҟьаны. Арӡынба иусԥҟала, 1998 шықәсазы Аԥсны Афырхаҵа ҳәа ахьӡ ихҵан аиааира иаду илагалазы.
Асланбек Марзеи далгахьеит Миклухо-Маклаи ихьӡ зху Аетнологиеи антропологиеи ринститут, хықәкыла иҭиҵаауеит аԥсуа-адыга жәларқәа реибашьратә культура, раамсҭашәара, рабџьар хкқәа, реибыҭашьа — абжьарашәышықәсақәа инадыркны аҿыц аамҭанӡа. Адоктортә диссертациа ихьчеит қәҿиарала 2024 шықәсазы Аҟәа. Кавказҭҵаара иахьа изырӷәӷәо, иагьзықәгәыӷуа аҵарауаа дреиуоуп, агәабзиареи аԥсынҵра дуи имазааит!
Хатәгәаԥхарала Аԥсны ахьчара дшааз азы Елеонора Коӷониаԥҳа ианылҵаз иҿцәажәара ыҟоуп аԥсышәала, шәаԥхьарц шәылшоит абра>>

❤9👍5🔥2❤🔥1
Лыхнытәи ақәгылара шәышықәса ахыҵра инеиҵыхны иазгәарҭазаап Аԥсны. Ҳҭоурых аҟны хашҭра зқәым ахҭысқәа раҳаҭыразы, 1966 шықәсазы аԥхын Лыхнашҭа аԥсуа жәлар реизара ду мҩаԥысит. Уи згәалашәартә иахаану иахьа шьҭа ирацәаҩӡам. Ҳара ҳаԥхьеит аҭоурыхҭҵааҩ Арвелод Кәыпраа истатиаҿы ("Вопросы традиционной культуры абхазов. Почитание старших").
Аизара иалахәын Аԥсны ахы-аҵыхәантә зықьҩыла ауаажәлар. Қыҭацыԥхьаӡа иҟан абыргцәа нагақәа, ажәабжь еиԥшьыҩцәа, раԥсуа маҭәа иҭаҟаца, еилфаҷаӡа. Убра ажәахә зманы иқәгылаз дреиуоуп Лыхны иалҵыз аԥсуа ҵарауаҩ ду Гьаргь Ӡиӡариа. Аизара ашьҭахь асасцәа рзы еиҿыркааз ачареишәагьы иара иоуп имҩаԥызга, шәымҩахыҵ ҳаԥшәымазааит аниҳәа, еицҿакны ҭамадас далырхит.
Аԥсуаа реишәачаратә етикет набыцрада издыруаз, Аԥсуара ныҟәызгоз абыргцәа рыпатуеиқәҵашьа, ртәашьа-ргылашьа ҿык-бзык иазҳәомызт. Қыҭа-қыҭала иааз абыргцәа ӡышқәа реиҳабра-еиҵыбра гәаҭаны, еибарԥшуа, рнапы аӡы аақәырҭәан, рхаҵкы кеибамыршәуа итәеит. Дара заҵәык ирхылаԥшуаз аҩынаҳа ахаҵгылаҩ дыҟан, ишьхәа дықәгьежьаа рымаҵ иуан. Чарабжа имнеицкәаны, аҭамада дҩагылан абыргцәа рныҳәаҿа икит, жәлары зегь адруҳәа ршьапы иқәгылан еиқәлымҳаха иӡырҩуан, иажәа данаалга, раҵәцақәа нҭыркәкәаны иржәит. Уи амш ахаара иаҵаз иалаԥшыз зегьы ргәы иҭҵәомызт ҳәа азгәеиҭон Кәыпраа.
#аҭоурых

❤15🔥4❤🔥2
🧩 Ажәахырҿиаара
Аморфема -хьа "акы иазку ачыс//ашьтәа" аҵакы аманы иахьаҳԥыло ажәақәа:
• Аҿаҭахьа́
• Аԥхашьахьа́
• Ԥхашьарахьа́
• Аилыҵрахьа́
"Аҿаҭахьа" ада егьырҭ ажәақәа иахьа ахархәара рымам, аха аетнографиа аганахьала даара аинтерес рыҵоуп.
▫️"Аԥхашьахьа́" ҳәа иашьҭан ҿыц еибагаз хаҵеи ԥҳәыси аҩн ду аҿы реиццәырҵра иазкыз ачара кьаҿ (ԥшь-шьапык зҵаз ршьуан усҟангьы).
▫️"Ԥхашьарахьа́" — абас иашьҭан ахьыԥшы аԥҳәысаагара азин иоурц азы аҭауад ииҭоз аџьмашьтәа, ма ауасашьтәа*
▫️ "Аилыҵрахь(а)" — ари Шьхалбаан-Рахәеилцан арахәааӡацәа ашьтәа шьны имҩаԥыргоз рныҳәара ахьӡ ауп** (ԥсҳәаа рҿы — "Ҳамшра-Ҳхеизгара").
Ажәахырҿиааратә суффикс -хьа ҳԥылоит иара убас ажәақәа шьыжьхьа, шьыбжьхьа, уаххьа; ачгахьа рҟны. Анкьа хазы ажәасгьы ахархәара аман уҳәаратәы иҟоуп, аԥсшәа иалоуп уи уазаазго афразеологизм: "Хьа цәгьа, хьа бзиа имам" = афатә еилихуам. Ус анакәха, иҟалап ажәа ахьурӡы́ "а-хьа́ ауразы аӡы" ҳәа ицәажәозар (букв. "вода для приготовления пищи").
Ари ашьаҭа ацәаара убоит ҳәа ҳгәы иаанагоит абарҭ ажәақәа рҟынгьы: "аҿарԥхьа́" (ашәарыцаҩ шәарахла даныманшәалахалак, дзыхныҳәо уи агәи-агәаҵәеи, аҵәы иахаҵаны иӡны), "ахаԥхьара́" (ачыс иумҵоу агьама абара).
Ахыҵхырҭақәа:
* Гь. Ӡиӡариа ишәҟәы "Народное хозяйство и социальные отношения в Абхазии в XIX веке"
** Шь. Инал-иԥа ишәҟәы "Абхазы" (1965), ад. 213
#ажәахырҿиаара

🔥8👍4❤2
Аԥсны жәлар рпоет Рушьбеи Смыр имоуп "Аҿарԥхьа" захьӡу абаллада, уаҟа иааԥшуеит ашьха аҵас аилагара шыҟамло, хықәкылагьы ари аныҳәара иамоу амч дуӡӡа (шәахә. иҩымҭақәа реизга I атом, ад. 210)
"Кәицла ибеиазар шьҭа амца,
Алашьцара цқьа иҳахьӡаанӡа,
Ҿарԥхьак ҳзыҟаҵа умаашьан.
Рылԥҳа ҳаурц дгьыли-жәҩани,
Аихаԥсыхәи амаџьари,
Аҳаԥы лашьцеи ашареи,
Снаиашьапкып Жәеиԥшьырҟан!.."
Ашәарыцаҩ Ажәеиԥшьаа данирчалак, акәац еиҿыхны аҭыԥ ианықәиҵалак, иманшәалахә иманы аҩныҟа дхынҳәаанӡа, иара уа ашьха дшыҟоу аҿарԥхьа дахныҳәоит. Ашәарах идымшылахаз агәи-агәаҵәеи аҵәы иахаҵаны иӡуеит. Уи моу, ашәарыцаратә бызшәала акәац зларӡуаз аҵәы "аҿарԥхьа́га" ҳәа иашьҭан (ари ажәа Касланӡиа ижәар иануп).
Абаллада ҩуп аԥсуаа рышәарыцаратә бызшәа алексика ахархәарала. Уи убасҟак ибеиоуп, имаҷым асинонимқәагьы уԥылоит: иаҳҳәап, ашәақь азы "хәаа-заа", мамзаргьы "аза́ԥ" рҳәоит, уи иҭнарҟьо ахы иахьӡуп "хәаа-заа нылабга", мамзаргьы"ҵары́-ҵары́" .
🧡 Ахьыуардын шәақәтәа
"Кәицла ибеиазар шьҭа амца,
Алашьцара цқьа иҳахьӡаанӡа,
Ҿарԥхьак ҳзыҟаҵа умаашьан.
Рылԥҳа ҳаурц дгьыли-жәҩани,
Аихаԥсыхәи амаџьари,
Аҳаԥы лашьцеи ашареи,
Снаиашьапкып Жәеиԥшьырҟан!.."
Ашәарыцаҩ Ажәеиԥшьаа данирчалак, акәац еиҿыхны аҭыԥ ианықәиҵалак, иманшәалахә иманы аҩныҟа дхынҳәаанӡа, иара уа ашьха дшыҟоу аҿарԥхьа дахныҳәоит. Ашәарах идымшылахаз агәи-агәаҵәеи аҵәы иахаҵаны иӡуеит. Уи моу, ашәарыцаратә бызшәала акәац зларӡуаз аҵәы "аҿарԥхьа́га" ҳәа иашьҭан (ари ажәа Касланӡиа ижәар иануп).
Абаллада ҩуп аԥсуаа рышәарыцаратә бызшәа алексика ахархәарала. Уи убасҟак ибеиоуп, имаҷым асинонимқәагьы уԥылоит: иаҳҳәап, ашәақь азы "хәаа-заа", мамзаргьы "аза́ԥ" рҳәоит, уи иҭнарҟьо ахы иахьӡуп "хәаа-заа нылабга", мамзаргьы
Please open Telegram to view this post
VIEW IN TELEGRAM
Telegram
Ахьыуардын
"Смачхәал цым-цым ҭыҳәҭа змамыз Сыхәда инхысшьын, снаҵысит".
Абас иалагоит Иуа Коӷониа еицырдыруа иажәеинраала "Ашәарыцаҩ ашьха". Изакәузеи амачхәа́л?
Амачхәал, амаџьар, амачыҟәа, аӡамҭа уҳәа убас иҵегь – ажәытә излашәарыцоз, излеибашьуаз шәақьқәоуп. Дара…

❤8🙏3❤🔥2
This media is not supported in your browser
VIEW IN TELEGRAM
Убас ихәмаруеит амшын ҟәанда,
Ацәқәырԥ акәа уҭанаҳәҳәоит.
Абжьгьы ԥсыршьагоуп, избанда
Уи ахатәы бызшәа аҳәоит.
Ашьха арцәажәоит арҩаш ԥанда,
Утҟәа ацәқәырԥа уҿанаҳәоит.
Абжьы уеибанарфоит, избанда
Уи ахатәы бызшәа аҳәоит.
Аҟармаҵыс абжьы ԥымҵәанда,
Аҵх иалыхәхәа оума аҳәоит.
Убас угәы хнахуеит, избанда
Хатәы бызшәала ишәаҳәоит.
Платон Бебиа, 1994
#алирика
📷 Асахьаныҟәа: Амина Лазба
🧡 Ахьыуардын шәақәтәа
Ацәқәырԥ акәа уҭанаҳәҳәоит.
Абжьгьы ԥсыршьагоуп, избанда
Уи ахатәы бызшәа аҳәоит.
Ашьха арцәажәоит арҩаш ԥанда,
Утҟәа ацәқәырԥа уҿанаҳәоит.
Абжьы уеибанарфоит, избанда
Уи ахатәы бызшәа аҳәоит.
Аҟармаҵыс абжьы ԥымҵәанда,
Аҵх иалыхәхәа оума аҳәоит.
Убас угәы хнахуеит, избанда
Хатәы бызшәала ишәаҳәоит.
Платон Бебиа, 1994
#алирика
Please open Telegram to view this post
VIEW IN TELEGRAM
❤12🙏3👍2
Forwarded from Sputnik Аԥсны
Даур Занҭариа изку ашәҟәы 2026 шықәса жәабранмзазы иҭыҵуеит ҳәа Sputnik иазеиҭеиҳәеит Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза конгресс Иреиҳаӡоу Ахеилак алахәыла Беслан Кобахьиа.
"Иахьа аҭыжьырҭеи сареи аиқәшаҳаҭра ҳабжьаҳҵеит, иахьа уи иақәшәо аԥара ииаагоит. Ашәҟәы авторс дамоуп еицырдыруа аурыс шәҟәыҩҩы Максим Гуреев, уи Даур Занҭариа иҩыза Андреи Битов изку ашәҟәы иҩхьеит "Иналукааша ауаа рыԥсҭазаарақәа" асериазы", – иҳәеит иара.
Кобахьиа иажәақәа рыла, ашәҟәы аҭыжьра иаԥшьгаҩцәоуп Даур Занҭариа ихьӡ зху Ацентр адиректор Циза Гәынԥҳаи Баҭал Кобахьиеи.
Ашәҟәы ҭыҵуеит 2500 атираж аманы. Атираж аиҳарак Даур Занҭариа ихьӡ зху Ацентр иаҭахоит.
"Иналукааша ауаа рыԥсҭазаара" асериа ала ари раԥхьаӡа акәны аԥсуа шәҟәыҩҩы изку шәҟәуп", – ҳәа инаҵшьны иазгәеиҭеит иара.
Даур Занҭариа дравторуп аҭоурыхтә повестқәеи ажәабжьқәеи. Ипрозаҿы иааирԥшуан аԥсуа қыҭа аԥсҭазаара, ақьабзқәа, адоуҳа, аишәачарақәа, алегендақәа, иахьатәи аамҭа.

Sputnik Аҧсны
"Сара исҭахын алакә аԥысҵаларц, алакә мацара…": Даур Занҭариа игәаларшәаразы
Иахьа, лаҵарамза 25 рзы 71 шықәса ҵит аԥсуа поет, ашәҟәыҩҩы Даур Занҭариа диижьҭеи. Уи ибзианы дыздыруаз, ҩызак, ԥхьаҩык иаҳасабала ибзианы аиҿцаара зыбжьаз Sputnik аколумнист Елеонора Коӷониаԥҳа есышықәсеиԥш, сынтәагьы игәараҭа даҭааит...
❤8❤🔥3🤗3⚡1👍1
Шьхак унхыҵыр, иҵегь ашьхарацәа шузаатуа еиԥш ауп абызшәа уагәылалацыԥхьаӡа ишузаатуа. Ари амҩа нҵәара ақәӡам, егьа узцозаргьы уцала.
Ԥыхьа ҳазлацәажәоз ажәақәа "амҳаҵә", "амҳац", "амҳаԥ" иреиуоу даҽа ажәакгьы ыҟазаап, уигьы чысмаҭәа хьӡуп: "амҳа́рцә", абас иашьҭоуп ачамсҟәыл хкы, ма даҽакалагьы амырҳа́ԥ (черпак). Ахьӡ ишаҳәо ала, аԥсуаа ирнапкымҭоуп, инапылаҟаҵароуп.
Абарҭ ажәақәагьы зегьы асинонимқәа рымоуп ҳбызшәаҿы:
Ахәарҭа́ — ацыгәмырча́
Аҭархәла́г(а) — ачуанҭаргы́лага
Ауарӷа́нџь — амыркыџьҵы́с (жаворонок)
Ашьы́нка — амыҟәбы́р (бз. ад.)
Ашәы́ра — ача́нҭа
Аԥы́рак — ахҿа́хьча (щит)
Аҳазы́р — аҽԥыхәшәза́га
Ахқәы́ршә — аҵакы́га (акасы)
Ацбы́ — ахәарҭы́м (хобот)
Аԥы́рча/аԥа́рч — ацәырҳәцәа́ 🌽
Асахьаҿы: аҭархәлаги ахәарҭеи (иаагоуп Иури Аргәын ишәҟәы "Аԥсуаа ретнологиа" аҟынтә, иҭихит Леонид Еныкь)
📌 Аԥсуамцаҟынтә абысҭа аныкнырхлак, аҭархәлага ачуан ҭаргыланы абысҭа рхәон, нас ианырҵон. Ахәарҭа ашә ҭарҵон, "ацыгәмырча" избанзар ацгәы зҭамлартә иҳаракны ихшьын. Ашәаӡа ахыз зҵыкәкәоз ахәарҭа иҭарҵомызт, уи азы иҟан адаргьла.
#асинонимқәа
🧡 Ахьыуардын шәақәтәа
Ԥыхьа ҳазлацәажәоз ажәақәа "амҳаҵә", "амҳац", "амҳаԥ" иреиуоу даҽа ажәакгьы ыҟазаап, уигьы чысмаҭәа хьӡуп: "амҳа́рцә", абас иашьҭоуп ачамсҟәыл хкы, ма даҽакалагьы амырҳа́ԥ (черпак). Ахьӡ ишаҳәо ала, аԥсуаа ирнапкымҭоуп, инапылаҟаҵароуп.
Абарҭ ажәақәагьы зегьы асинонимқәа рымоуп ҳбызшәаҿы:
Ахәарҭа́ — ацыгәмырча́
Аҭархәла́г(а) — ачуанҭаргы́лага
Ауарӷа́нџь — амыркыџьҵы́с (жаворонок)
Ашьы́нка — амыҟәбы́р (бз. ад.)
Ашәы́ра — ача́нҭа
Аԥы́рак — ахҿа́хьча (щит)
Аҳазы́р — аҽԥыхәшәза́га
Ахқәы́ршә — аҵакы́га (акасы)
Ацбы́ — ахәарҭы́м (хобот)
Аԥы́рча/аԥа́рч — ацәырҳәцәа́ 🌽
Асахьаҿы: аҭархәлаги ахәарҭеи (иаагоуп Иури Аргәын ишәҟәы "Аԥсуаа ретнологиа" аҟынтә, иҭихит Леонид Еныкь)
#асинонимқәа
Please open Telegram to view this post
VIEW IN TELEGRAM
❤9👍8
Ахьыуардын
Кьаразаа арык еиԥш еилаҵәаны иҟан, анхамҩаҿеиԥш аибашьраҿгьы еивагылан. Агәыԥ иалаз зегьы рмыругагьы рабџьаргьы рыла еибыҭан. Иаалырҟьаны ақәылара ҟалозар, ргәы рҽанын. Аԥсуа хаҵа еснагь иабџьар иааигәа иҟан, идгьыл данықәаарыхуагьы идгьыл ахьчара дазхиан.…
Аԥсуа иԥсадгьыл аԥсабаратә беиарақәа, уи аҳауа зҩыда, адгьыл кәазара уҳәа ирыбзоураны, убас ишоу уаҩуп, дҿазҳәауа, длазырҟәуа, иарбанзаалак акгьы игәаҵахь инеишьҭуам, идикылом. Ишьамхы заирсрыз, амла иара дакуамызт, амалмазара ианакәызаалак мыцхәы дашьҭамызт. Арахә-ашәахә шаҟа иҭахыз иман. Агәыхә азыҳәан арыц ахьынкаиршәуаз имарымажаха ииуан. Ауаҩы иҽшьуа аус иуеит, аус имукәан хныҟәгашьа имамзар. Аџьабаа тәыс ихы зеиҭарызеи, џьабаа мыцхәык мбаӡакәа ихы ныҟәигартә идгьыл дныҟәнагартә иҟазҭгьы иҭагылазаашьа? Изхысҳәаауа, ԥсабарала анхаҩы ицәтәымын классла аиҟарамра, ԥсабарала ицәтәымын адинхаҵарақәа [араҟа: ашьамхышгылара].
✍️ Џьума Аҳәба
🧡 Ахьыуардын шәақәтәа
Please open Telegram to view this post
VIEW IN TELEGRAM
🔥9👍6❤5🙏1
АБАСОУМА АԤСЫУАЛА АНЫХА ШИУА
Лаҭа, амаалықь тәарҭа,
Згәеисра ццаку Кəыдырҭа,
Аԥсҭҳәа иагәылоу анхарҭа,
Баашла инашьҭу ахəасҭа.
Лаҭа, амаалықь тәарҭа,
Ажәҩан, амца зыцроу,
Ахра, ахцәԥара злакнаҳау,
Ахарԥ хәыҷы, зыбжа былхьоу.
Ҳабацари гəышьа, радари гəышьа,
Абасоума аԥсыуала аныха шиуа?
Амцабз иагәылҵны,
Аҳәҳәабжь иагәылҵны,
Аццышә иагәылҵны,
Аныха шиуа.
Уахынла илашозар,
Ҽынла илашозар,
Есымша илашозар
Иныхоу аԥсы.
Ажəҩан ахықəаҿ,
Аԥсҭҳəа ахықəаҿ
Ашьхара ахықəаҿ
Икнаҳау аԥсы.
Сыԥсаҵаҿ иҵәыуеит иццышәу,
Иныхоу, иныҳәоу аԥсқәа.
Иаҳҳəари гəышьа,
Иаҳхылаԥшхəу уҿаԥхьа?
Абасоума аԥсыуала аныха шиуа?!
Адгьыл ду ашҟа
Идəықəлаз наӡама?
Инхама урҭ Лаҭа,
Еицума дара?
Инеитәуп анырҳәа,
Ахақәҵара анырҳәа,
Анышь хәыҷ иантәалан
Идәықәлаз ауаа.
Ан гəыӷырҭада,
Аԥшқа разҟыда,
Аибашьҩы нага,
Ишəҭуаз аҭыԥҳа.
Иҟазеи Лаҭа!?
Хьылеи абџьарлеи
Уаҳа иҳазҿымхыз
Ҳаԥсадгьыл ахəҭа?
Аиааира ду иақəу
Ахə ҳаракума?
Ас аума ишаҳҳəаз
Ҳаԥсадгьыл ауаз!?
Кəыдырҭа!
Даара иџьбаран
Ууахҭа!
Амцабз агəылан
Улахьынҵа!
Сыԥсаҵаҿ иҵәыуеит иааҟəымҵуа,
Иныхоу, иныҳәоу аԥсқәа.
Ҳабацари гəышьа, радари гəышьа,
Абасоума аԥсыуала аныха шиуа?
Амцабз иагәылсны,
Аҳәҳәабжь иагəылсны,
Абасоума ԥсыуала аныха шиуаз?!
Инна Ҳаџьымԥҳа
11. 12. 2019
🧡 Ахьыуардын шәақәтәа
Лаҭа, амаалықь тәарҭа,
Згәеисра ццаку Кəыдырҭа,
Аԥсҭҳәа иагәылоу анхарҭа,
Баашла инашьҭу ахəасҭа.
Лаҭа, амаалықь тәарҭа,
Ажәҩан, амца зыцроу,
Ахра, ахцәԥара злакнаҳау,
Ахарԥ хәыҷы, зыбжа былхьоу.
Ҳабацари гəышьа, радари гəышьа,
Абасоума аԥсыуала аныха шиуа?
Амцабз иагәылҵны,
Аҳәҳәабжь иагәылҵны,
Аццышә иагәылҵны,
Аныха шиуа.
Уахынла илашозар,
Ҽынла илашозар,
Есымша илашозар
Иныхоу аԥсы.
Ажəҩан ахықəаҿ,
Аԥсҭҳəа ахықəаҿ
Ашьхара ахықəаҿ
Икнаҳау аԥсы.
Сыԥсаҵаҿ иҵәыуеит иццышәу,
Иныхоу, иныҳәоу аԥсқәа.
Иаҳҳəари гəышьа,
Иаҳхылаԥшхəу уҿаԥхьа?
Абасоума аԥсыуала аныха шиуа?!
Адгьыл ду ашҟа
Идəықəлаз наӡама?
Инхама урҭ Лаҭа,
Еицума дара?
Инеитәуп анырҳәа,
Ахақәҵара анырҳәа,
Анышь хәыҷ иантәалан
Идәықәлаз ауаа.
Ан гəыӷырҭада,
Аԥшқа разҟыда,
Аибашьҩы нага,
Ишəҭуаз аҭыԥҳа.
Иҟазеи Лаҭа!?
Хьылеи абџьарлеи
Уаҳа иҳазҿымхыз
Ҳаԥсадгьыл ахəҭа?
Аиааира ду иақəу
Ахə ҳаракума?
Ас аума ишаҳҳəаз
Ҳаԥсадгьыл ауаз!?
Кəыдырҭа!
Даара иџьбаран
Ууахҭа!
Амцабз агəылан
Улахьынҵа!
Сыԥсаҵаҿ иҵәыуеит иааҟəымҵуа,
Иныхоу, иныҳәоу аԥсқәа.
Ҳабацари гəышьа, радари гəышьа,
Абасоума аԥсыуала аныха шиуа?
Амцабз иагәылсны,
Аҳәҳәабжь иагəылсны,
Абасоума ԥсыуала аныха шиуаз?!
Инна Ҳаџьымԥҳа
11. 12. 2019
Please open Telegram to view this post
VIEW IN TELEGRAM
Please open Telegram to view this post
VIEW IN TELEGRAM
1💔8😢6🙏5❤4
Ажәа "гәышьа" асахьа узҭыхуазҭгьы, абри анаалон: 💔 — абызшәадырҩы Константин Шьаҟрыл ус иагьирцәажәон гәы-шьа "ишьоу агәы" ҳәа (треснутое горем сердце).
Аԥсуа-абаза диалектқәа зегьы рҿы -гәышьа абыжьҭҟьа аҳасабала ахархәара амоуп (Оф, гәышьа; Раида гәышьа); хәҭаҷс еиҳарак изцааиуа ажәа иадлоит (аиеигәышьа); аха зны-зынла ахалагьы иуԥылоит, усҟан аҳәаақәҵа афункциа нанагӡоит, "рыцҳа" аҵакы иазааигәоуп. Иаҳҳәап, "Ҳабду гәышьа хаҵара ду илан" (ианҵоуп Ашәтәыла, ақ. Аԥсуа)*, мамзаргьы "Егьи дзацәҳауаз Пахәала гәышьа иакәзаап" (Иван Папасқьыр "Ҭемыр").
Ишжәаҳәахәҭа хәыҷугьы даара аемоциа рацәа аанарԥшыр ауеит, аҳәоу аҵакы зеиԥшру еиԥш: агәырҩа, агәаҟра, арыцҳашьара, агәалсра, ахьанҭара, амақарра, ақәыԥсычҳара, алымшара, зны-зынлагьы — алшара (сыԥсы згагәышьеит).
Аедыгьа бызшәагьы иалоуп "гущэ", уигьы еиҳарак аҟаҵарбақәа ирыцлоит. Аҟабарда бызшәаҿы -гәышьа иаваҟәылоит ахәҭаҷ -мыӷәа ("арыцҳа", "ахәаша"), устәи абаза бызшәа иалалеит, аԥсшәаҿгьы излоу ажәак ҳаԥшааит: аџьабаа — аџьамыӷәа.
*Ахыҵхырҭа: З. Х. Авидзба "Модальные аффиксы в глаголе абхазского языка"

❤13👍7😭3
This media is not supported in your browser
VIEW IN TELEGRAM
Ԥхынҷкәын 15 рзы диит зыхьӡ нагоу аҵарауаҩ, арҵаҩы, аԥсуаа рмилаҭ-хақәиҭратә қәԥара аветеран Иван Ҭарба. Иахьа иара иқәраныҳәоуп, 75 шықәса ихыҵит.
Иван Ҭарба — афилософиатә ҭҵаарадыррақәа рдоктор, апрофессор, ААУ Афилософиеи акультурологиеи ркафедра аиҳабы, адоцент, Аԥсны Иреиҳаӡоу ашкол зҽаԥсазтәыз аусзуҩ, Гьаргь Ӡиӡариа ихьӡ зху апремиа алаурет, Ахьӡ-Аԥша аорден III аҩаӡара занашьоу. Аԥсны жәлар рџьынџьтәылатә еибашьра ахы инаркны аҵыхәанӡа далагылан, Агәымшәаразы амедал ианашьоуп.
Иван Дорофеи-иԥа Аԥсны иреиҳаӡоу аҵара ашьақәгылара зааԥсара ду адызҵаз ауаа дреиуоуп, 45 шықәс инарзынаԥшуа Аԥсуа унивеситет аҟны аус иуеит. Иазыҟаиҵоит астудентцәа, аспирантцәа, аҵарауаа ҿарацәа. Инапы иҵыҵхьеит 90 инареиҳаны аҭҵаарадырратә усумҭақәа, урҭ рахьтә ашәҟәқәеи амонографиақәеи — 17. Иҭҵаарадырратә лаԥшҳәаа ҭбаауп: афилософиа адагьы иамҽханакуеит аетика, аҭоурых, адинҭҵаара, афилологиа, ажәлар рыхдырра ауасхырқәа, аԥсуара ашьаҭақәа... Есышықәса иара иаԥшьгарала ауниверситет аҟны имҩаԥысуеит "Амилаҭтә культуреи аглобализациеи" захьӡу аконференциа.
Хаҭала Аԥсныи уи анҭыҵи имҩаԥысуа аҭҵаарадырратә форумқәа дрылахәуп. Хыԥхьаӡара рацәала жәларбжьаратәи аконференциақәа ихы рылаирхәхьеит. 2018 шықәсазы раԥхьаӡа акәны Пекин имҩаԥысуаз XXIV-тәи Адунеизегьтәи афилософцәа рконгресс далахәын Аԥсны Аҳәынҭқарра ахьӡала.
Иван Ҭарба иусумҭақәа азхьаԥшреи азхаҵареи рымоуп аҭҵаарадырра адунеи аҿы, иара убасҵәҟьа ирызҿлымҳауп ауаажәлар рыбжьара. Урыстәыла иҭыҵыз, ҳаамҭазы иналукааша аҵарауаа ренциклопедиаҿы ихьӡ арбоуп. Ҽаанбзиала днеилааит! Агәабзиара-агәамч иманы аԥсуа қәра ниҵо Анцәа иҳәааит!
Асахьаныҟәа: Леон Адлеиба

👍15🙏6
АԤСУА
Европеи Азиеи срыбжьагылоуп,
Европеи Азиеи срыбжьанхоит.
Европеи Азиеи са сыргәылоуп,
Сшырзеимакыроугьы збалоит.
Исызкылԥшуеит евроеидгылаа,
Америкаагь сааҵрахь иааигәахеит.
Ҷыҷмасоушәа зегь еижәыла,
Инеиҭанеиҭасуа исзаауеит!..
Европа иахыҳәҳәоит Уаршәаҳәымҩа,
Азиагь уанӡа иҩаӡаӡом.
Абырфынмҩоуп сара сымҩа,
Араҟа имҩамскәа изцаӡом!
Чынҭатәыла азԥшуп снеира,
Индосҭангьы азыԥшуп.
Кавказ ажәҩан акеикеира –
Адунеи ажәларқәа рзы имшуп!
Сеимашәымкын сара баша,
Сызшаз сисасуп саргьы.
Иараӡәк иакәӡоуп зегь ҳазбаша,
Ҳагьзықәгәыӷша есқьынгьы!..
Европеи Азиеи срыбжьагылоуп,
Европеи Азиеи срыбжьанхоит.
Европеи Азиеи са сыргәылоуп,
Рыбжьара амра бжьасырҷҷоит!
✍🏻 Витали Амаршьан
📖
• Уаршәаҳәы́мҩа — Эльбрус;
• Абырфы́нмҩа — Великий шелковый путь;
• Чынҭатәы́ла — Китай
#алирика
Асахьаҿы ҳазҿаԥшуа ашьха — Аибӷа, © Амина Лазба

❤14👍7🔥5