Ахьыуардын
1.26K subscribers
1.38K photos
219 videos
1.65K links
Ахьыуардын — аԥсуа бызшәеи, аҭоурыхи, акультуреи ирызку апроект ҷыда. Напбзиа-шьапбзиа ахьыуардын дақәтәоуп. Шәҳацла: ахьы хәыҷуп, аха шәкы ицоит, аӡә дышәҩыкны дҳаԥхьаӡоит.
Download Telegram
Иԥсы ҭазҭгьы иахьа 70 шықәса ихыҵуан абаҩхатәра цқьа злаз апоет Виачеслав Ҷыҭанаа (1955 - 2005).

Изалхыз аамҭа шырацәамызгьы, аԥсуа литература аҿиараҿы злагала бзиа ҟазҵаз авторцәа дреиуоуп Виачеслав Ҷыҭанаа. Иара иӡбахә ианалацәажәо иазгәарҭоит апеизажтә лирикаҿы ицназго дмаҷуп ҳәа. Иҟыбаҩ заа ахы цәырнагеит, иажәеинраалақәа ркьыԥхьуан ашкол дышҭаз. Далгеит Аҟәатәи алицеи-интернат; Арҵаҩратә институт афилологиатә факультет. Есааира дышәуан, деизҳауан, иҿахәы иҳәон аӡыхь еиԥш ицқьаз хатәы бызшәала. Убри аан адунеитә литература, аурыс классикатә поезиа аӡы кылымкәо идыруан, ицәажәара еснагь цитатала ихыркын. Ажәа абжьы иаҳауан, иԥшӡаны, исахьаркны даԥхьон.

Виачеслав Ҷыҭанаа амилаҭ журналистика кыр дазааԥсеит, аус иуан агазеҭ "Аԥсны ҟаԥшь" акорреспондентс, ажурнал "Аԥсны аҟазара" аҭакзыԥхықәу амаӡаныҟәгаҩс. Аԥсуаа рмилаҭ-хақәиҭратә қәԥара дацнагаҩын. Аибашьраан аидеологиатә фронт гәашьамхыс иаҵаз дреиуан, ҳажәлар реибашьратә мҩа иазкыз арадиодырраҭарақәа мҩаԥигон. Ицәажәарагьы, дызлаҩуаз абызшәеиԥш, даара ибеиан.

Иажәеинраалақәа "Аԥсуа поезиа антологиа" иагәылоуп. Еизгангьы иҭыҵхьеит акымкәа-ҩбамкәа ашәҟәқәа. Аԥхьаҩцәа рзы ҳамҭа шьахәны иҟалеит 2017 шықәсазы иҭыҵыз Иалкаау иҩымҭақәа реизга>>

🧡 Ахьыуардын шәақәтәа
Please open Telegram to view this post
VIEW IN TELEGRAM
9💔3🙏2
АМШЫН

Анаҟә шкәакәа амшынгә ихыҵит,
Азқәа инықәсит ҭынч аԥшалас.
Рыжәҩа ҭыхны рыҭра иҭыҵит
Ацәқәырԥ, ашьыжь ицәанхалаз.

Иахьагьы ҳаиԥылеит ашьыжь,
Шьыжьнаҵы урҭ сгәы дырхаҵоит.
Наҟ сырԥырҵны сызцом сныҵышьшь,
Сгәы зырмаҷуа схьаақәа схырцоит.

Хьыӡрацара ицошәа еишьҭала,
Ацәқәырԥқәа сышҟа рҿаархоит,
Аҷныш шкәакәа хыхь ирхалан,
Ишрықәныҳәогь ирымам ҿааихак.

Сара сгәыӷра лаша еиҳазтәуа,
Насыԥс иамоу слашарбага,
Изыршәҭуа сынасыԥ, ицқьазтәуа,
Сымшын уами, сыцәқәырԥ хага!

Виачеслав Ҷыҭанаа

#алирика

🧡 Ахьыуардын шәақәтәа
Please open Telegram to view this post
VIEW IN TELEGRAM
Please open Telegram to view this post
VIEW IN TELEGRAM
116🔥4❤‍🔥2
Аԥсабара агәцаракцәа раԥшьгара ала, знапы ҳану Анцәа ду иҳәоны иҟалозар, хара имгакәа Аԥсны ашьхараҿ ҩаԥхьа ианҵахоит абнацәқәа — адумпеиқәа.

Арахә рыԥсцәаҳа ауаҩ иоуп шырҳәо еиԥш, абнацәгьы ԥсцәаҳас иазыҟалаз ауаҩ иакәхеит — ахыӡаара аԥсқьарра иахҟьеит. Уи ӷәӷәала ианҵысы ХIХ ашәышықәсазоуп, уаанӡа шәышықәсала Кавказ аԥсҭақәа ирҭан ари ашәарах, иеишәарыцон, аха иахыршьаауамызт. Адумпеиқәа рцынҵәарах аԥсы ҭан 1927 шықәсанӡа, уигьы аҩызцәа рлахьынҵа изацәымцеит. Шәышықәса рнаҩс абна иамаҳхыз аҳҭоит.

Адумпеиқәа рыдагьы, ХIХ-ХХ ашәышықәсақәа реилыҵымҭазы ҳаԥсабараҿы зышьҭамҭа еиԥхьбаз аԥстәқәа иреиуоуп: аҽа́ҩа (кавказский лось), алы́шькьынтыр (леопард), аӡы́мшә (бобр), абнакәты (фазан); уарла-шәарла иуԥылоит абӷацгәы (рысь), даараӡа имаҷхеит ацыӷқәа (ҩ-хкыкны иҟан), аиашқәа.

Ахаҿы аагара уадаҩуп, аха ааскьанӡа аӡымшә ҳәыԥыӡыԥуа ҳӡиасқәа Кәыдри Бзыԥи ирҭан🦫 Аҽаҩацә атәыҩақәа хахаӡа, ашьапқәа калаӡа ҳабнаршәырақәа ирылан🦌 Абас иҟаз ашәарах ӡыӡымк хкык аҳасабала Кавказ иацәыӡит. Шьыри, иауазҭгьы, абна иамаҳхыз абеиара зегь аргьежьра.

🧡 Ахьыуардын шәақәтәа

Асахьаҿы: аҽаҩацә, аҽаҩан
Please open Telegram to view this post
VIEW IN TELEGRAM
10👍5🔥2
Аԥсуаа ирҳәоит:

• Амаҳә иааԥхьара;
• Амаҳә иаашьҭра;
• Амаҳә иаагара
• Маҳәрацара

Ашәуаа ирҳәоит:

• Маҳә зҿыҭра́

#асинонимқәа

📖
Маҳәхьа́ԥшравторой визит зятя ("визит вежливости" через 10-15 дней после официального приема)

▫️Ари аинтерес аҵоуп:
Аҭаца данаарго акасы лхаршәуп, ажәытәан аԥсуаа амаҳә данаарыԥхьозгьы, ихы-иҿы хҭарԥала иҭаҳәҳәан, ауапа ишәын.

🧡 Ахьыуардын шәақәтәа
Please open Telegram to view this post
VIEW IN TELEGRAM
13🔥3🥰2
Forwarded from Sputnik Аԥсны
Media is too big
VIEW IN TELEGRAM
🔸Беслан Бебиа дартист бзиан, иааӡаз уаҩын, иидыруаз аҿы ихы џьаргьы деигӡомызт ҳәа иҩыза дигәалаиршәоит Аԥсны жәлар рартист, ансамбль "Ерцахә" асахьаркыратә напхгаҩы Вианор Логәуа.

Иара арадио Sputnik аҿы иазгәеиҭеит Беслан Бебиа аҵара шимаз, акультура аинститут абалетмеистер изанааҭ ала далгахьан азы, имаз аԥышәа ансамбль "Шьараҭын" аҿы ирымеидоз.

"Ансамбль шыҟаз жәдыруеит "Шьараҭын", дара раб (Едуард Бебиа — аред.) ивагыланы аус руан, иааҟаиҵоз ахәҭаҷқәа зегьы аус рыдиулон иара. Лымкаала иԥсы ақәҵан, ихы ақәҵан акалашәа дыҟан, аӡәы сирҽхәап ҳәа дыҟамызт. Зегьы дҳахьӡон, зегьы пату ҳақәиҵар иҭахын. Ансамбль ак агхар игәы инархьуан", — ҳәа еиҭеиҳәеит Логәуа.

Артист инаҵшьны иҳәеит Беслан Бебиа ҽаӡәы дышиеиԥшмыз, ахаан иакәым акы шидимбалацыз.

Вианор Логәуа Беслан Бебиа изкны игәалашәарақәа ртәы инарҭбааны шәахәаԥшыр шәылшоит Sputnik Аԥсны асаит аҿы.

📎Аԥсны зҽаԥсазтәыз артист, ансамбль "Шьараҭын" адиректор Беслан Бебиа иахьа аҵыхәтәантәи иҩмахь днаскьаргоит. Иара ихыҵуан 63 шықәса.
🔥7🙏4👍31🏆1
Media is too big
VIEW IN TELEGRAM
Аҽаҩра аингаларазы аамҭа бзиа ҟалеит сынтәа. Абҵарамза — Мҟаҟачан амшқәа ҟәандашьшьыраӡа, ихьырхьыруа имҩасуеит. Анхацәа ахьхьа-аџьџьаҳәа рыура аҭагалара иаҿуп. Аца аџьықәреи ҭаԥсоит, аинтернет — игәышьҭыхгоу асахьақәа. Иумбар залшом иахьагьы ақыҭа абзиабара, агәхьаагара шыҟоу. Ақалақь ҿар рыбжьарагьы хәыҷы-хәыҷла анхара атема модахо иалагеит 😍

Ҳаргьы ус иҟоу асахьаныҟәа ҳамоуп: абар жәацы Уарча ақыҭан ауааҳә ҟаҵаны мышкала рымхы шҭыргаз.

Џьабаала иааурыхыз аҿаҵа хаахоит. Акрызуа акрифоит.

🧡 Ахьыуардын шәақәтәа
Please open Telegram to view this post
VIEW IN TELEGRAM
8👍6🔥3🥰1
Ауааҳә аура — аԥсуаа ржәытәӡатәи патронимикатә нхашьа-бзазашьа зныԥшуа еицхыраара хкуп, абашьҭрақәа рҽеидкыланы ианынхозтәи аамҭақәа ирцырҟьоуп. "Кьараз" мамзаргьы "Анхамҩа кьараз" ҳәа изышьҭаз иахәҭакуп. (Кьараз ажәа иаанаго аидгылара ауп). Аколнхарақәа ридеиа ацәырҵра акыр шәышықәса шагыз, аԥсуаа еидгыланы аусушьа рдыруан.

Ауааҳәаура ҳаамҭазгьы иуԥылоит ажьрацәара, ма агәылацәа рыбжьара. Ԥыхьа амҽхак иаҳа иҭбаан, цуҭак-ҳаблак иаҵанакуаз ахацәа рҽааидкыланы иахьа аӡәы иҿы аус руан, уаҵәы — ҽаӡәы иҿы. Ауааҳә аныруаз еиҳарак арашәараан акәын, усҟантәи аицхыраара "Аҽага-кьараз" ҳәагьы иашьҭан. Аҽагашәа мамзаргьы Ашәара́шәа ҳәо, агәыԥ амхурсҭа инҭалон, рус иалгаанӡа аӡәгьы далҵны дцомызт. Аҽны иззааԥсаз крырҿеиҵон, измаз ашьтәагьы ишьуан. Нас ҩаԥхьа еиҭеизон аҭагалара аан. Убас рқыҭа иатәыз аҳәсеибацәа, ананмгацәа ирыцхраауан (дара ирымҳәаӡаргьы), џьара еиҵахарак зыхьыз дыҟазар, уи ила иалагон.

Аԥсуаа рҿы иуԥыло еицхыраара хкуп иара убас ҩыџьа анхацәа еибыҳәаны аарыхра анеицыҟарҵо (аӡәы ацәқәа итәуп, егьи — адгьыл), урҭ "амхны́зацәа" ҳәа ирышьҭоуп, "мхык еицану" (сотрудники по полеводству).

📖 Ашәара́шәа — а́рашәара ашәа

🧡 Ахьыуардын шәақәтәа
Please open Telegram to view this post
VIEW IN TELEGRAM
👍106🥰2
Кьаразаа арык еиԥш еилаҵәаны иҟан, анхамҩаҿеиԥш аибашьраҿгьы еивагылан. Агәыԥ иалаз зегьы рмыругагьы рабџьаргьы рыла еибыҭан. Иаалырҟьаны ақәылара ҟалозар, ргәы рҽанын. Аԥсуа хаҵа еснагь иабџьар иааигәа иҟан, идгьыл данықәаарыхуагьы идгьыл ахьчара дазхиан. Аԥсны жәлар рсахьаҭыхҩы Баҭал Џьапуа имоуп уи аазырԥшуа асиужет: арашәаҩ ивара алабашьа арсны, иабџьармаҭәа уа ихшьны. (Алабашьа ныҟәзымгоз аҵәы аирсуан, ихҭра, иҟама уа икнеиҳауан). Абригь азмырхакәа аԥсҭақәа рҿы аԥшыхәцәа дыртәон, аԥсҭыр жәылар алеи-ԥси рыбжьара аҳәҳәацәа ааны ақыҭа адырра рырҭарц.

Кьаразаа реиҿкаашьа аформа ауниверсалтә ҟазшьа аман. Аилыргара аусқәа рхахьы иргар рылшон, аӷьычцәа ркуан, ацәгьоуцәа рықәнага иақәдыршәон. Ажәлар рымчра ҳәа азуҳәартә иҟан, акыр иӷәӷәан. Уи аҟынтә ҭауади-аамсҭеигьы дара иахьрымараз рхы ианадырхәоз ыҟан. Иџьашьатәым 1917 шықәсазтәи ареволиуциатә ҵысрақәа раан аҳратәра иаҿагыланы ақәԥара аҽраԥшрала Аԥсны ахақәиҭра иазықәԥоз аԥсуаа Кьараз ҳәа хьӡыс иахьышьҭырхыз.

Аицхыраара ахацәа рыбжьара мацарамызт иахьыҟаз, ацуҭа аҳәса рыбжьарагьы иҟан (аласа аус адулараҿы, асра-ахахара, арышҳараҿы), ахәыҷқәагьы аладырхәуан ирылшоз аҟны (иаҳҳәап, араҟәыбара, акаканҟәшәараҿы), уи аџьа алааӡара иахәҭакын. Баша ирҳәомызт аусура уаҩ дааӡоит, аашьара дыбжьнахуеит ҳәа.

🧡 Ахьыуардын шәақәтәа
Please open Telegram to view this post
VIEW IN TELEGRAM
👍114👏2
Иқәԥоит арҩаш шәышықәсала
Ашьха дукәа рыгәҭаны,
Ацаҟь шәыгәра иадыҽҽало
Ицоит ишәахха, ицәқәырԥаны.

Аԥҭа ҟәашқәа уи акалҭаҿ
Ииуеит араҟа иласӡа,
Нас еишьҭала урҭ жәҩан аҵаҿ
Иӡсоит дунеи рҽахьыгӡа.

Ахшцеиԥш арҩаш шыкьуа
Ицәажәоит абахәқәа рыгәҭа,
Ижәылоит арҩаш ԥхьаҟа иҭрысуа,
Шәышықәсала иқәԥоит иҭҟьа.

Уи аиааира гәоумҭарц залшом,
Ааи, иззықәԥоз иаԥсахеит.
Уи иакызшәа акалам ҵар,
"Сымҩа" ҳәа ацаҟь ианнаҵеит!

Анатоли Аџьынџьал

#алирика

📆 Шәадныҳәалазааит қәԥарала иаагоу Аԥсны Аконституциа амш!

🧡 Ахьыуардын шәақәтәа
Please open Telegram to view this post
VIEW IN TELEGRAM
118🔥10🥰2
Сынтәа иҭыҵыз ашәҟәқәа иреиӷьу ирхыԥхьаӡалатәуп ҳәа ҳгәы иаанагоит ааигәаӡа алашара збаз Смыр Чықь игәалашәарақәеи Смыр Џьон ианҵамҭақәеи еидызкыло аизга "Аамҭақәа реигәныҩра"! Даара узеигәырӷьаша, ихатәроу ҭыжьымҭоуп аҭоурых аганахьала, абызшәа аганахьала, асахьаркыратә нырра иунаҭогьы налаҵаны. Уаԥхьа иаагылоит аԥсуа гәыцқьа зызҭаз ахацәа рыхҭысқәа, ҳажәлар рнысымҩа знысымҩаз. Аԥсуаразы хазы арҵага шәҟәы аҭаххаӡом, абас ахы инаркны аҵыхәанӡа Аԥсуара згәылжжуа ашәҟәқәа ирылааӡазар ҳҿар. Хымԥада изыԥхьатәу акоуп. Ибзиангьы еиқәыршәоуп. Абар цыԥҵәахак:

"Ҳшьарақәа анеиқәымшәа – ҳақә еизакхаӡом!"

(Аԥсуара шаҳшьо еиԥшымхар, ҳмилаҭтә хдырра, ҳаӡәкра хьчахаӡом ҳәоуп иаанаго)

"Ахатә ԥсадгьыл зегьы ираҭәам. Ҭоурыхла ианумам, егьа уҽушәаргьы мчыла иузыԥшаауам, уи лахьынҵоуп! Уразҟы ианалашәа уҽаларԥсны икы, ажәҩангәашәԥхьарақәа иреиӷьу змоу уара уоуп. Жәларык рхеиқәырхаразы зыҩаӡара Ақәахь инагоу, ус мыцқьа-шәқьа узыхцәажәашагьы акакәӡам! Уаҟа, егьа уадаҩра уаниаргьы, Ҳазшаз Анцәа ду аԥсҭазаара анишаз инаркны, ужәлар ишраҭәеишьахьаз дырны уеиқәҟаца уаназгыла, иулымшаша арбан? Уара уаԥсуоуп – ирзыларҟәуа уреиуаӡам, уи алагьы угәы дууз, азқьышықәсақәа ашәалҟьамреиԥш иргәыларсу ухьышьҭра хазуп… Иҟам "аҵабырг" аԥшаара уашьҭаланы иутәым уахьнымҳалан – илашарбагаха иаҳзыҟоу Ҳаԥсуара зегь харҭәааны иаҳәоит! Атәымџьара иузаламгӡо – умшәа-умырҳа, уабацәа ршьара ду шьҭыхны – ҽԥныҳәада уаԥшәыманы уахьгылаша уҭыԥоуп! Араҟа, зны ажәҩан лашьцахаргьы, агәыцқьа зызҭоу аԥсуа изыҳәан еснагь илашоуп… Уԥсадгьыл ианушьаша адунеи аҟны ишыҟам уазхәыцны уанагәҭамс, уан леиԥш иузгәакьоу аԥсабара цәымӷс уакӡом. Уи агәамч лаша иԥсҭаҵагаха еснагь иуныруеит".

Ашәҟәы "Аамҭақәа реигәныҩра" аҟынтә, 2025 шықәса

🧡 Ахьыуардын шәақәтәа
Please open Telegram to view this post
VIEW IN TELEGRAM
12👍3🥰3😭2
🏔️ Аԥсуара иазку ажәаԥҟақәа

• Аԥсуара – ихьыԥшым хақәиҭроуп.

• Аԥсуара иахылаԥшуа Аԥсуа хаҵа иакәзароуп.

• Адырра бзиагьы аԥсуара ацзароуп.

• Ҳабдуцәа дуқәа хара инаскьахьаз рыхьӡ-рыԥша зырмацәысуаз раԥсуара акәын.

• Атәым шьагашьа уахьчаӡом – уахәаҽуеит.

• Аԥсуара инымҵәаӡауа иссиру дунеиуп.

• Аԥсуара ашьха ӡыхь еиԥш икәеи-кәеиуа ицқьоуп.

• Аԥсуара хеиқәырхагоуп!

• Аԥсуара шәҟәыла иузҵаӡом, шьала-дала иулазароуп.

• Аԥсуара анакәха – зегьы раԥхьа ҳхы аиааироуп.

• Аԥсуара анҿыхоу ишьардоуп алшара.

• Аԥсуара аҳаракыра аԥсуа жәаԥҟақәа ирныԥшуеит!

• Ажәлар анҿыхоу зегьы рҭыԥ аҟны игылоит.

• Ианҭынчроу игәрымуа ианшәарҭоу дыбналоит.

• Зыжәлар ирабашьуа хьӡы изымгаӡацт.

• Зԥеиԥш зхьаау иҭоурых дазҿлымҳауп.

• Афы уцырҟьозаргьы, уеиҭазҳәо думазароуп!

• Ҽыԥныҳәа змам иоуп зажәа мчы амоу.

• Ацәгьеи абзиеи рыхәшьарақәа зцәеилагаз ажәлар рԥеиԥш
лашәуп.

• Уанаԥсуаха, угәашьамх ӷәӷәазароуп, умилаҭ хдырра – еиҳагьы.

#ажәаԥҟақәа

Ашәҟәы "Аамҭақәа реигәныҩра" аҟынтә, 2025 ш.

🧡 Ахьыуардын шәақәтәа
Please open Telegram to view this post
VIEW IN TELEGRAM
19🔥4
Ахьыуардын
Арубрика ҿыц! Ашколхәыҷқәа рбызшәатә хәыцшьа злагәоуҭаша атест Ҵаҟа иаагоу ажәеицааирақәеи ажәеилаазарақәеи еиуеиԥшымкәа аԥсышәала иуҳәар ауеит. Аха аҿар рабиԥареи аиҳабацәеи рҭакқәа шамахамзар еиқәшәаӡом. Иԥышәшәа шәҭаацәараҿы: шаҟа шәеизааигәахо аҟара…
Ари анҵамҭа азҿлымҳареи ақәҿыҭреи аиуит, ус анакәха, иацаҳҵоит

Ашколхәыҷқәа рбызшәатә хәыцшьа аилкааразы (II ахәҭа)

Названый брат — иашьас иҟарҵаз,

• Они назвались братьями — еишьцәеибатәит, еишьцәас иҟеибаҵеит;

• Он их поблагодарил (ажәакны) драҭабуит,

• Гранат раскрылся — амыҵмыџь еимҟәыӷьит; еиҟәԥеит,

• Коротаем ночь — аҵх ԥаҳҽуеит; аҵх ҳгоит,

• Передняя часть двораашҭа аԥынҵа; ашҭа уахьынҭало,

• Свеженабранная вода — аӡы ҿыцтара; аӡыхь,

• ◊ Ни рыба, ни мясо — иагьҩым, иагьӡым,

• Себе на уме ихаҳәатәы дҭоуп,

• Молодое ореховое дерево — араҵыс,

• Поют соловьи — аҟармаҵарақәа шәаҳәоит,

• В целости и сохранности — еибга-изҩыда; каҳада-ԥҽыда

Шәара ишышәҳәо хазызар, иаҳзанышәҵа 🙌

🧡 Ахьыуардын шәақәтәа
Please open Telegram to view this post
VIEW IN TELEGRAM
15👍6🥰3🙈1
Дырмит Гәлиа авторс дызмоу раԥхьаӡатәи "Аԥсны аҭоурых" ашәҟәы ҭыҵижьҭеи сынтәа шәышықәса ҵуеит. Жәашықәса инареиҳаны аус здиулоз ари аусумҭа ду алашара абеит Қарҭ, 1925 шықәсазы.

Ажәлар рырҵаҩы, алитература ашьаҭаркҩы, аклассик, шә-уск инапы шрылакызгьы, даара игәы иҵхон аԥсуаа рҭоурых еицамккәа, еизакны, инҭырҳәцааны изҳәоз, ҿыгҳарыла ихәыҷызаргьы, шәҟәык ахьыҟамыз. Убри аҟынтә ихы иадиҵеит "аԥсуаа рыԥсҭазаашьеи, рыбзазашьеи, рыҿиареи, егьырҭ амилаҭқәа ирылазмырҩашьо рцәаҩашәа-психологиатә ҷыдарақәеи ртәы зҳәо аҭоурыхтә усумҭа" аиқәыршәара.

"Абызшәа зегьы ирыцкуп, уи зегь аҵанакуеит", — ҳәа Гәлиа ԥсра зқәым иажәақәа абри иџьабаа аҟынгьы хра шрылоу ааԥшуеит. Аԥсны аҭоурых аҩраҿы иара шьаҭас иҟаиҵеит аԥсуа бызшәа, иадигалеит абызшәатә, афольклортә материал рацәаӡаны. Акыс, усҟан археологиатә материал зынӡаск имаҷын. Ус шакәугьы, Аԥсны аҭоурых иазкыз акырзҵазкуа адыррақәеи, ахыҵхырҭақәеи иааизыԥшааз зегь адгаланы, ахҳәаақәеи азгәаҭақәеи ацҵаны, ашәҟәы хатәра иҩит.

Ашәҟәы аатуеит ихы иаирхәаз алитература аиқәыԥхьаӡарала — 80 инареиҳаны ахыҵхырҭақәа (аԥсышәала, урысшәала, қырҭшәала, агерман бызшәала). Дазхьаԥшит аԥсуа жәлар ржәытә-рҿатә, рхылҵшьҭра инаркны рмифологиеи рынцәахаҵареи аҟынӡа. Иаликааит анаҩстәи аҭоурыхҭҵаараҿы азхьаԥшра зауз ахырхарҭақәа, иаҳҳәап, аԥсуаа ҳабдуцәа рабдуцәеи ахеттааи реизааигәара атәы.

Ашәҟәы аҭыҵра иеигәырӷьеит усҟантәи аԥсуа интеллигенциа, арҿиаратә елита, ахәшьара ҳаракы иаԥсахеит аҵарауаа рҟынтә. Дырмит Гәлиа игәы ацԥыҳәаны аус иуан, игәы иҭан "Аԥсны аҭоурых" аҩбатәи атомгьы аҭыжьра, аха ҳазмырӷьацоз амчқәа уи алдмыршеит. Уи моу, рҵага шәҟәны иҟалашаз актәи атомгьы иақәыӡбан, абиблиотекақәа ирымхын, акыраамҭа аиҭаҭыжьра азин ыҟмызт. Изхдырҟьазгьы уи ауп, аԥсуаа рышьақәгылараҿы ақырҭқәа рҭоурыхгьы, рхаҭақәагьы ныррас ирымаз егьыҟам ҳәа алкаа ҟауҵартә иахьиҳәаз.

Абасала Дырмит Гәлиа ауадаҩрақәа шиԥылазгьы, аамҭа иамкәкәааны, иеилахара даиааины, ҵхла дмыцәаӡакәа иусумҭа дадтәаланы, 1920-тәи ашықәсқәа рзы илиршеит амилаҭтә ҭоурыхҭҵаара ауасхыр ашьҭаҵара, ажәлар рхысдырра рԥеиԥш азы аҵак ду шамоу ашьақәырӷәӷәара.

🧡 Ахьыуардын шәақәтәа
Please open Telegram to view this post
VIEW IN TELEGRAM
Please open Telegram to view this post
VIEW IN TELEGRAM
👍149🙏2❤‍🔥1😭1
Аԥсны Афырхаҵа, аҭоурыхтә ҭҵаарадыррақәа рдоктор Асланбек Марзеи иқәраныҳәоуп иахьа — 60 шықәса ихыҵит.

"Ашьхаӡыхь еиԥш дыцқьазароуп, ахаҵа анырҳәа" — ҳәа ажәлар рашәа иалоу абарҭ ажәақәа рыла узыхцәажәаша дреиуоуп Асланбек Марзеи — зажәагьы зусгьы цқьоу, инагӡоу, зыуаҩралеи зҟәыӷаралеи ауаа ирдыруа.

1989 шықәсазы Аҟәа аибарххарақәа аныцәгьаха Асланбек иқәлацәа гәыԥҩык ицны ашьха ихыҵны Аԥсныҟа иааит, аԥсуа жәлар рхақәиҭратә қәԥараҿы ишрывагылоу аадырԥшырц. Араҟа аҩызцәа дырҳаит, нхыҵ-аахыҵ аҿар рыбжьара аимадарақәа ҟалеит. Иара усҟан дырԥылеит аԥызарахь зымҩа хаз, заԥхьаҟа аус дуӡӡа шьҭаз Владислав Арӡынба.

Аԥсны аибашьра аналага, мышқәак рыла ҩаԥхьа шьхала дааит, уажәшьҭа бџьарла деиқәных, иҭаацәараҿы дԥазаҵәны, ҳадгьыл иԥсы ақәҵара дазхианы. Мамзышьха деибашьуан, Гагра араион ахақәиҭтәра далахәын. Анаҩс Очамчыра агаразы аҽышәара ыҟан, актәи Шроматәи ажәылара далан (абҵ, 1992). Уи ашьҭахь иԥсадгьыл ахь дыхнымҳәыр амуит, Нальчик имҩаԥысуаз ахынҭа-ҩынҭарақәа ирыхҟьаны. Арӡынба иусԥҟала, 1998 шықәсазы Аԥсны Афырхаҵа ҳәа ахьӡ ихҵан аиааира иаду илагалазы.

Асланбек Марзеи далгахьеит Миклухо-Маклаи ихьӡ зху Аетнологиеи антропологиеи ринститут, хықәкыла иҭиҵаауеит аԥсуа-адыга жәларқәа реибашьратә культура, раамсҭашәара, рабџьар хкқәа, реибыҭашьа — абжьарашәышықәсақәа инадыркны аҿыц аамҭанӡа. Адоктортә диссертациа ихьчеит қәҿиарала 2024 шықәсазы Аҟәа. Кавказҭҵаара иахьа изырӷәӷәо, иагьзықәгәыӷуа аҵарауаа дреиуоуп, агәабзиареи аԥсынҵра дуи имазааит!

Хатәгәаԥхарала Аԥсны ахьчара дшааз азы Елеонора Коӷониаԥҳа ианылҵаз иҿцәажәара ыҟоуп аԥсышәала, шәаԥхьарц шәылшоит абра>>

🧡 Ахьыуардын шәақәтәа
Please open Telegram to view this post
VIEW IN TELEGRAM
9👍5🔥2❤‍🔥1
Лыхнытәи ақәгылара шәышықәса ахыҵра инеиҵыхны иазгәарҭазаап Аԥсны. Ҳҭоурых аҟны хашҭра зқәым ахҭысқәа раҳаҭыразы, 1966 шықәсазы аԥхын Лыхнашҭа аԥсуа жәлар реизара ду мҩаԥысит. Уи згәалашәартә иахаану иахьа шьҭа ирацәаҩӡам. Ҳара ҳаԥхьеит аҭоурыхҭҵааҩ Арвелод Кәыпраа истатиаҿы ("Вопросы традиционной культуры абхазов. Почитание старших").

Аизара иалахәын Аԥсны ахы-аҵыхәантә зықьҩыла ауаажәлар. Қыҭацыԥхьаӡа иҟан абыргцәа нагақәа, ажәабжь еиԥшьыҩцәа, раԥсуа маҭәа иҭаҟаца, еилфаҷаӡа. Убра ажәахә зманы иқәгылаз дреиуоуп Лыхны иалҵыз аԥсуа ҵарауаҩ ду Гьаргь Ӡиӡариа. Аизара ашьҭахь асасцәа рзы еиҿыркааз ачареишәагьы иара иоуп имҩаԥызга, шәымҩахыҵ ҳаԥшәымазааит аниҳәа, еицҿакны ҭамадас далырхит.

Аԥсуаа реишәачаратә етикет набыцрада издыруаз, Аԥсуара ныҟәызгоз абыргцәа рыпатуеиқәҵашьа, ртәашьа-ргылашьа ҿык-бзык иазҳәомызт. Қыҭа-қыҭала иааз абыргцәа ӡышқәа реиҳабра-еиҵыбра гәаҭаны, еибарԥшуа, рнапы аӡы аақәырҭәан, рхаҵкы кеибамыршәуа итәеит. Дара заҵәык ирхылаԥшуаз аҩынаҳа ахаҵгылаҩ дыҟан, ишьхәа дықәгьежьаа рымаҵ иуан. Чарабжа имнеицкәаны, аҭамада дҩагылан абыргцәа рныҳәаҿа икит, жәлары зегь адруҳәа ршьапы иқәгылан еиқәлымҳаха иӡырҩуан, иажәа данаалга, раҵәцақәа нҭыркәкәаны иржәит. Уи амш ахаара иаҵаз иалаԥшыз зегьы ргәы иҭҵәомызт ҳәа азгәеиҭон Кәыпраа.

#аҭоурых

🧡 Ахьыуардын шәақәтәа
Please open Telegram to view this post
VIEW IN TELEGRAM
15🔥4❤‍🔥2
🧩 Ажәахырҿиаара

Аморфема -хьа "акы иазку ачыс//ашьтәа" аҵакы аманы иахьаҳԥыло ажәақәа:

• Аҿаҭахьа́
• Аԥхашьахьа́
• Ԥхашьарахьа́
• Аилыҵрахьа́


"Аҿаҭахьа" ада егьырҭ ажәақәа иахьа ахархәара рымам, аха аетнографиа аганахьала даара аинтерес рыҵоуп.

▫️"Аԥхашьахьа́" ҳәа иашьҭан ҿыц еибагаз хаҵеи ԥҳәыси аҩн ду аҿы реиццәырҵра иазкыз ачара кьаҿ (ԥшь-шьапык зҵаз ршьуан усҟангьы).

▫️"Ԥхашьарахьа́" абас иашьҭан ахьыԥшы аԥҳәысаагара азин иоурц азы аҭауад ииҭоз аџьмашьтәа, ма ауасашьтәа*

▫️ "Аилыҵрахь(а)" — ари Шьхалбаан-Рахәеилцан арахәааӡацәа ашьтәа шьны имҩаԥыргоз рныҳәара ахьӡ ауп** (ԥсҳәаа рҿы — "Ҳамшра-Ҳхеизгара").

Ажәахырҿиааратә суффикс -хьа ҳԥылоит иара убас ажәақәа шьыжьхьа, шьыбжьхьа, уаххьа; ачгахьа рҟны. Анкьа хазы ажәасгьы ахархәара аман уҳәаратәы иҟоуп, аԥсшәа иалоуп уи уазаазго афразеологизм: "Хьа цәгьа, хьа бзиа имам" = афатә еилихуам. Ус анакәха, иҟалап ажәа ахьурӡы́ "а-хьа́ ауразы аӡы" ҳәа ицәажәозар (букв. "вода для приготовления пищи").

Ари ашьаҭа ацәаара убоит ҳәа ҳгәы иаанагоит абарҭ ажәақәа рҟынгьы: "аҿарԥхьа́" (ашәарыцаҩ шәарахла даныманшәалахалак, дзыхныҳәо уи агәи-агәаҵәеи, аҵәы иахаҵаны иӡны), "ахаԥхьара́" (ачыс иумҵоу агьама абара).

Ахыҵхырҭақәа:
* Гь. Ӡиӡариа ишәҟәы "Народное хозяйство и социальные отношения в Абхазии в XIX веке"
** Шь. Инал-иԥа ишәҟәы "Абхазы" (1965), ад. 213

#ажәахырҿиаара

🧡 Ахьыуардын шәақәтәа
Please open Telegram to view this post
VIEW IN TELEGRAM
🔥8👍42
Аԥсны жәлар рпоет Рушьбеи Смыр имоуп "Аҿарԥхьа" захьӡу абаллада, уаҟа иааԥшуеит ашьха аҵас аилагара шыҟамло, хықәкылагьы ари аныҳәара иамоу амч дуӡӡа (шәахә. иҩымҭақәа реизга I атом, ад. 210)

"Кәицла ибеиазар шьҭа амца,
Алашьцара цқьа иҳахьӡаанӡа,
Ҿарԥхьак ҳзыҟаҵа умаашьан.
Рылԥҳа ҳаурц дгьыли-жәҩани,
Аихаԥсыхәи
амаџьари,
Аҳаԥы лашьцеи ашареи,
Снаиашьапкып Жәеиԥшьырҟан!.."


Ашәарыцаҩ Ажәеиԥшьаа данирчалак, акәац еиҿыхны аҭыԥ ианықәиҵалак, иманшәалахә иманы аҩныҟа дхынҳәаанӡа, иара уа ашьха дшыҟоу аҿарԥхьа дахныҳәоит. Ашәарах идымшылахаз агәи-агәаҵәеи аҵәы иахаҵаны иӡуеит. Уи моу, ашәарыцаратә бызшәала акәац зларӡуаз аҵәы "аҿарԥхьа́га" ҳәа иашьҭан (ари ажәа Касланӡиа ижәар иануп).

Абаллада ҩуп аԥсуаа рышәарыцаратә бызшәа алексика ахархәарала. Уи убасҟак ибеиоуп, имаҷым асинонимқәагьы уԥылоит: иаҳҳәап, ашәақь азы "хәаа-заа", мамзаргьы "аза́ԥ" рҳәоит, уи иҭнарҟьо ахы иахьӡуп "хәаа-заа нылабга", мамзаргьы "ҵары́-ҵары́".

🧡 Ахьыуардын шәақәтәа
Please open Telegram to view this post
VIEW IN TELEGRAM
8🙏3❤‍🔥2
This media is not supported in your browser
VIEW IN TELEGRAM
Убас ихәмаруеит амшын ҟәанда,
Ацәқәырԥ акәа уҭанаҳәҳәоит.
Абжьгьы ԥсыршьагоуп, избанда
Уи ахатәы бызшәа аҳәоит.

Ашьха арцәажәоит арҩаш ԥанда,
Утҟәа ацәқәырԥа уҿанаҳәоит.
Абжьы уеибанарфоит, избанда
Уи ахатәы бызшәа аҳәоит.

Аҟармаҵыс абжьы ԥымҵәанда,
Аҵх иалыхәхәа оума аҳәоит.
Убас угәы хнахуеит, избанда
Хатәы бызшәала ишәаҳәоит.

Платон Бебиа, 1994

#алирика

📷 Асахьаныҟәа: Амина Лазба

🧡 Ахьыуардын шәақәтәа
Please open Telegram to view this post
VIEW IN TELEGRAM
12🙏3👍2