Forwarded from Sputnik Аԥсны
Гәдоуҭа амузеи ҿыц ҟалоит.
Уи Кьараз амҩа аҩны №93 аҟны еиҿыркаауеит. Ари аҭоурых-культуратә ҭынха аобиектқәа рсиаҿы ареволиуциа ҟалаанӡатәи ахыброуп ҳәа иахьарбоу адагьы, 1992-1993 шықәсқәа рзы Аԥсны жәлар рԥыза Владислав Арӡынба итәарҭан-игыларҭан.
Ари аҩны "шаҳаҭс" ирыман аԥсуа жәлар рхьыԥшымразы ақәԥара, рлахьынҵа зыӡбоз аиԥыларақәа, рҭоурыхтә ӡбамҭақәа.
Аибашьра ашьҭахь уи акыршықәса игәыгәҭажьны игылан. Ааигәа Аԥсны ахада Бадра Гәынба уи аахәаны, Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьра Гәдоуҭатәи амузеи ҳамҭас иеиҭеит.
Аҩны аиҭашьақәыргылара иалагахьеит — аҟазацәа аҭыԥ дрыцқьоит, апроект дырхиоит. Иазԥхьагәаҭоуп ари аҩны атәыла раԥхьатәи ахада имемориалны иҟалоит ҳәа.

Telegram
Sputnik Абхазия
🔸Новый музей появится в Гудауте.
Его создадут в доме №93 на улице Киараз. Это не просто дореволюционное здание, входящее в список объектов ИКН, — в 1992-1993 годах здесь была резиденция национального лидера Владислава Ардзинба.
Этот дом был "свидетелем"…

❤10🙏3💯2
Иахьа лнарцәымҩахь днаскьаргеит абызшәадырҩы, апрофессор, Аџьа аветеран Раиса Гәыблиаԥҳа. Аԥсуаҭҵааразы шьарда аџьабаа збахьаз лакәын, дырҵаҩ дуун, насгьы аиаша дазықәԥаҩын, лыжәлар дрыԥҳан, еицырдыруа Аԥсуа шәҟәы лнапы анылҵеит. Ахьӡ-Аԥша аорден ланашьан.
Ҳаҭҵаарадырра ацәыӡ аиуит лцарала. Раиса Гәыблиа дыззааԥсоз ахырхарҭа хадақәа иреиуоуп аԥсуа-адыга етимологиа. Абызшәадырраҿы имариоу ҳәа акгьы ыҟаӡам, аха аетимологиа зегь раасҭа азыҟаҵареи, адырра рацәеи, ҽышәала аҭҵаареи зҭаху хырхарҭоуп. Ианеиҵоу, убызшәа иагәыцхәу абызшәақәа зегь удыруазароуп, агәыларатә бызшәақәа урыԥхьартә уҟазароуп. Угәы унархьуеит, иахьа уажәраанӡа аԥсуа бызшәа аетимологиатә жәар ахьҳамам. Ҳара иҳаздырӡом, иҟоума иахьа хықәкыла уи иаҿу аҵарауаа? Иҟазаргьы, аӡәык-ҩыџьак ракәхап. Аҿар иззышьҭыхша ҳамоума?
Абри аганахьала ҳхәыцрақәа абас иҟоуп: аԥсуаҭҵаара аҩнуҵҟа, ма инаваргыланы ҳара иаҳҭахуп ашәуаҭҵаара, азыхәҭҵаара. Афилологиа мацаразы акәым. Кавказҭҵаара агәеисырҭас иҟазароуп Аҟәа, еиҳа-еиҳа уаала амч ӷәӷәахо. Ҳхатәы специалистцәа ааӡаны иҳамазароуп Кавказ жәларқәа зегьы рзы, ҳаешьаратәқәа аԥхьа инаргыланы. Ҳәарада, уи даҽа харџьқәак аҭаххоит, аџьабаа рацәа аҭаххоит, аха аҭҵаарадырра зда ԥсыхәа ыҟам акоуп аҳәынҭқарра ахьыԥшымразы, хымԥада ирҿиалатәуп. Уи зегьы рзы еилкаауп, еиҭаҳҳәоит ауп. Уаҵәы ҳзызнеиша ахықәкқәа рыбжьара абригьы азхьаԥшра аиур цәгьам џьаҳшьоит. Ишырҳәо еиԥш, ахы ыҟазар, ахылԥа ахалоит.
🧡 Ахьыуардын шәақәтәа

Please open Telegram to view this post
VIEW IN TELEGRAM
❤10💔5
• Марҳәара сааит!
• Абыцаҟь ҳәа сааит!
• Ацәнырха ҳәа сааит!
• Асеи аԥшыцеи рзы сааит!
• Асеи аԥшыцеи мара-мара!
• Ирласны балгааит!
Лара аҭакс илҳәон: "Уажәыҵәҟьа, уажәыҵәҟьа инбысҭоит!" мамзаргьы "Бзиа збаша!"
▫️"Марҳәара" иаанаго "Мар умаз//бымаз" ҳәоуп, мар — аманшәалара, амарымажара. "Мар умоуп!" ҳәа рарҳәоит аџьықәреи цәзырҳәуагьы, ацха зԥшуагьы...
▫️"Ацәнырха́ ҳәа сааит" анырхага цәы угәаланаршәо иҟоуп, аха ари зызку астәы иацәынхо акәзаап. Ари аформулагьы "иҵәаху" зеиӷьшьароуп, бнапкымҭа марымажахааит, ацәынха ҟалааит ҳәа. Уи ус шакәу аршаҳаҭуеит астәы анырҳауаз ирҳәоз: "Ерыш-Ерышҟан, инагӡа, иаацәнарха!"
А́сеи аԥшы́цеи — асырҭы ахәҭақәа (ткацкий гребень и ремизки)
Абы́цаҟьа — араҟа: астәы́ (ткань, букв.: "плетенка"),
Еры́ш — асреи, аҳареи, ахахареи рынцәахәы
#аԥсшәеибыҳәашьақәа
Please open Telegram to view this post
VIEW IN TELEGRAM
Telegram
Ахьыуардын
Асырҭы амҿы иалхны иҟарҵон, уи ахәҭақәа зегь ахьӡқәа рымоуп, иахьатәи ҳажәаҳәа иалҵхьоу, аха ашәҟәы ианҵоу, ус анақәха – имыӡыз. Хадара зуа асахьаҿы ижәбоит.
А́сеи аԥшы́цеи – бёрдо (ткацкий гребень) и ремизки;
Ама́рқәеи ама́рсеи – челнок и его шпулька (арҭгьы…

❤8👍6🔥2🤗2❤🔥1
Иахьатәи арыцхә ԥшӡа 11.11 иазҳархиаз асинонимқәа👥
Ҿыц еиднагалаз рзы ишԥарҳәо?
• Еибагеит
• Еиразҟхеит
• Еинасыԥхеит
• Рынасыԥ еиларҵеит
• Рхы еидыркылеит
• Рылахь еидыркылеит
• Лахьынҵала еидылеит
• Аҭаацәара еибырҭеит
• Аҭаацәара аԥырҵеит
• Рразҟы рчаԥеит
Шәаргьы иацышәҵа.
#асинонимқәа
Ачараҿы аԥсшәеибыҳәашьа>>
🧡 Ахьыуардын шәақәтәа
Ҿыц еиднагалаз рзы ишԥарҳәо?
• Еибагеит
• Еиразҟхеит
• Еинасыԥхеит
• Рынасыԥ еиларҵеит
• Рхы еидыркылеит
• Рылахь еидыркылеит
• Лахьынҵала еидылеит
• Аҭаацәара еибырҭеит
• Аҭаацәара аԥырҵеит
• Рразҟы рчаԥеит
Шәаргьы иацышәҵа.
#асинонимқәа
Ачараҿы аԥсшәеибыҳәашьа>>
Please open Telegram to view this post
VIEW IN TELEGRAM
❤13👍5🔥2🥰1
Ахьыуардын
Аԥсуа-адыга жәларқәа рҿы ҭоурыхла иаауа ахьӡшьара иаҳараку патуқәҵаран, аҭаацәа рыҩнуҵҟа илыԥшааху ауаҩытәыҩсатә еизыҟазаашьақәа шаԥыз аршаҳаҭуеит. Зыхьӡ ушьо зегь раасҭа иузааигәоу, угәы ззыбылуа, ма узыцәшәо ауп. Ахьӡшьара зыбжьаз хаҵеи ԥҳәыси мацара ракәым…
Аԥсуа иҳәаӡом "Сыԥҳәыс".
Аԥсуа иҳәоит:
• Сан лҭаца(невестка моей маме)
• Ахәыҷқәа ран(мать [моим] детям)
• Аҩны иҟоу(та, которая дома)
• Лара(она)
• Ари аԥҳәыс // ари(эта женщина)
• Сылагаҩ(моя мукомольщица)
• Сҭакәажә(моя старушка)
Аԥсуа илҳәаӡом "Схаҵа".
Аԥсуа илҳәоит:
• Аԥшәма(хозяин дома)
• Ҳаԥшәма (наш хозяин)
• Ҳаизарацаҩ(тот, кто ходит от нас на собрания)
• Ахәыҷқәа раб (отец [моих] детей)
• Иара(он)
• Ари ауаҩ // ари (этот человек)
Ахьӡшьара ҵакыс иамоу>>
🧡 Ахьыуардын шәақәтәа
Аԥсуа иҳәоит:
• Сан лҭаца
• Ахәыҷқәа ран
• Аҩны иҟоу
• Лара
• Ари аԥҳәыс // ари
• Сылагаҩ
• Сҭакәажә
Аԥсуа илҳәаӡом "Схаҵа".
Аԥсуа илҳәоит:
• Аԥшәма
• Ҳаԥшәма
• Ҳаизарацаҩ
• Ахәыҷқәа раб
• Иара
• Ари ауаҩ // ари
Ахьӡшьара ҵакыс иамоу>>
Please open Telegram to view this post
VIEW IN TELEGRAM
Please open Telegram to view this post
VIEW IN TELEGRAM
❤18👍7🥰2❤🔥1👎1😇1
Ахьыуардын
Иҭабуп азҵаара аҭак азҭаз зегьы! Имариамыз џьаҳшьон, аха шәыбжеиҳараҩык аҭак иашаны иҟашәҵеит! Уи гәахәара дууп. 🌳🐐 🦮 "Абна иасасуа", хымԥада, ашәарыцаҩ иоуп — зҽазыҟаҵаны инҭыҵуа, абна аҵас иқәныҟәо, абна бызшәа зҳәо (ашәарыцаратә бызшәагьы иароуп). Ашәарыцаҩ…
АШЬАУРА ИАҞӘЫҴИТ
(иҟалахьоу ажәабжь)
Хамсыс зыхьӡыз аӡәы ауаҩы дишьын, абна дылеижьҭеи акрааҵуан. Уи иишьыз иашьцәа ахҩыкгьы ршьа рурц иахьагьы-уахагьы Хамсыс ишьҭан, аха дырԥыхьашәомызт.
Ашықәсқәа цеит ирацәаны. Хамсыс ҵхыбжьонк маӡала аҩны днеин, иԥҳәыс илеиҳәеит сҽыскәабарц сҭахуп, ӡык сзырмазеи ҳәа. Аԥшәмаԥҳәыс абӷьааҳәа аӡы лырҟәандеит.
Хамсыс аҿаԥара аҳамамҭраҟны аҽыкәабара далагеит. Иԥҳәыс ҵаҟатәи имаҭәақәа лыԥшаан, илыман аҿаԥара даныныҩнала, иаалцәымыӷхеит.
— Уара мыжда, сызхурҟьазеи, ас аӡәы иҟаиҵома?
— Иҟалазеи?! — иҳәеит Хамсыс иааџьашьаны.
— Аҵхыбжьон ацәашьы аркны аҽыкәабара уаҿуп, аҿаԥара кылххаа ишыҟоу умбаӡои, абыржәы уаӷацәа кылԥшуазар, ишԥаҟауҵои? — даӷьаҵәы-ӷьаҵәит лара.
— Сара сҽеилыхны саныҟоу сеихсра зхы иаҭәазшьо аӷа дсымам, — лгәы ааирӷәӷәеит Хамсыс иԥҳәыс.
Хамсыс аҽыкәабара далгеит. Амцахь дааин, иҽырбаны иҽааилеиҳәон еиԥш, џьоук ашә иасит. Хамсыс ицәымыӷхеит, ашә иасыз иара ишьра иашьҭаз шракәыз анырҳәа. Иԥҳәыс ишылымуаз днеин ашә ааиртит, иааҩнашылеит ашьаура здыз аишьцәа ахҩык, иҟанҭаруаз мацараха, ршәақьқәа кны.
— Уара, Хамсыс, — иҳәеит реиҳабы даацәажәан, — уаҳшьырц ҳашушьҭоу удыруеит, насгьы иҳаҳаит уаха аҩныҟа ушаакыдгылаз. Ҳушьҭалан ҳааит, аҿаԥараҿ аҽыкәабара уанаҿыз уаабон. Убра уара иуҳәеит: "Сара сеилыхны саныҟоу сеихсра зхы иҭәазшьо аӷа дсымам", — ҳәа. Уара ушьра иашьҭоу ҳзакәытә хацәоу ахьудырыз азы умшьыкәа унҳажьуеит. Иахьарнахыс уаргьы ҳаргьы ҳагьеиуацәам ҳагьеиӷацәам. Ухы уақәиҭуп, уҵых аабзиахааит! — аишьцәа ндәылеибаҳәаны ицеит.
Убри ауха инаркны Хамсыс абна дылҵит, уи нахыс дымшәа-дмырҳа иԥҳәыси иареи еивагьежьуа, анхара-анҵыра напы адыркит.
✍🏻Ҷыҷыкәа Џьонуа ииҩыз авариант, 1958 ш.

АЖӘАК АКӘША-МЫКӘША
Ауа-аҭынха, аҩыза-ақәла — еицааиуангьы хаз-хазгьы ҳабызшәа иалоу, иуцәеиламго еилкаарақәоуп. Иџьоушьап, аха 100-120 шықәса раԥхьа ажәа а́уа иахьатәи "аҩыза" иашьашәало еиҭаргон! Иаҳбеит агазеҭ "Аԥсны ҟаԥшь" (1929 шықәса, жәабрантәи аномер)…

👍14🥰3
Ахьыуардын
Гарԥаа рзеиԥш уск аҵыхәала аилацәажәара рыман. Усҟан гарԥаа рхәыҷы-рду еиҵаҭәы, Анцәа дрықәныҳәаны иҟан. Ажәлар ззыԥшыз Ҵыӷьтыр-иԥа Хәсин инаскьаган игылаз аӡәы диацәажәон. Ажәлар Хәсин иааира иазыԥшны итәан. Аӡәы дҩагылан: "Хәсин, уххьа згеит, ажәлар узыԥшуп!" — иҳәазаап.
— Аа, снеиуеит, дад, снеиуеит! — иҳәеит Хәсин.
Аха Ҵыӷьтыр-иԥа дааиуамызт. Ажәлар шыԥшыц иԥшын. Ус, ргәы анкыдгылаӡа, аҽаӡәы дҩагылан, — Хәсин, уххьа згеит, — иҳәан, аҽыҩҳәа илабашьа ларсуа, — жәларык узыԥшуп! — иҳәазаап.
— Аа, умоурахәы мыӡааит, иууазеи! Ари сыздгылоу жәларык дшәеиӷьуп ҳәа сидгылоу џьышәшьома?! Аа, аԥсышәала аӷаџаҳәа дышсацәажәо сыԥхашьаны сызидҵуам ауп исыхь! — иҳәеит Хәсин.
Таҟә Зыхәба иҳәамҭаны ианҵоуп Гарԥ. Ианиҵеит Мирод Гәажәба.
* * *
— Аду, ари амци аиашеи ирыбжьеи ? — ҳәа зны ажәлар реизарак аҟны Хәсин иазҵаазаап.
— Амц — иубаны иузеилымкаази, иуаҳаны иузхамҵази роуп. Аиаша — уи кьаҳәым, икьачам, — нараҭеикзаап Хәсин.
* * *
Зны қыҭа еизарак аҟны Ҵыӷьтыр-иԥа Хәсин иазҵаазаап:
— Хәсин, абри аҭаҭын иахо аҭаҭын анирҳәлак, ацәымса амца наркны ианиуҭалак "иҭабуп" иҳәоит. Аҽы жәла бзиа ҳамҭас изуҭазгьы "иҭабуп" иҳәоит. Ус анакәха, "иҭабуп" ажәа патус иамои? — ҳәа.
— "Иҭабуп" ажәа патус иамоу уи ауп, дадраа, — иҳәазаап Хәсин, — иҭабуп ажәа аамысҭашәароуп, уаҩроуп. Убри ауп ҭабуп захьӡу! — иаахиркәшеит Хәсин.
Дикран Багаҭелиа иҳәамҭаны ианҵоуп Уаҭҳара. Ианиҵеит Мирод Гәажәба.

❤11👍3🙏2
Ахьыуардын
🌳🛖 Мышкызны, ҳмилаҭтә кинематограф ҽаԥарак ԥхьаҟа ианцалак, абри аҩыза асахьақәа уажәи-уажәи ҳабла хыркуа иҟалароуп. Иалшаӡозеи ажәа! "Саншьцәа рашҭа ҳара ҳашҭа аҵкыс иԥшӡан, иҭбаан. Иаакәыршаны ахьагәаԥшь масарла ихкаан. Аҵәҩан ршьақәа рыфҩы лаҳа-лаҳауа…
Хкаарачан асакьаҳәымҭазы — аԥсуаа рымхы, ргәара, ргәарҭа злахыркаауаз аанда хкқәа.
▫️Ашшаа́нда
▫️Ашшаа́нда еихы́хны
▫️Ашшаа́нда хырҷаны́
▫️Аса́қьаанда
▫️Амаса́раанда
▫️Аџьаргәа́лаанда
▫️А́хаанда
▫️Ахаҳәгәа́ра (аҵангәара)
Асахьақәа: Иури Аргәын ишәҟәы "Аԥсуаа ретнологиа" аҟынтә, иҭихит Леонид Еныкь
🧡 Ахьыуардын шәақәтәа
▫️Ашшаа́нда
▫️Ашшаа́нда еихы́хны
▫️Ашшаа́нда хырҷаны́
▫️Аса́қьаанда
▫️Амаса́раанда
▫️Аџьаргәа́лаанда
▫️А́хаанда
▫️Ахаҳәгәа́ра (аҵангәара)
Асахьақәа: Иури Аргәын ишәҟәы "Аԥсуаа ретнологиа" аҟынтә, иҭихит Леонид Еныкь
Please open Telegram to view this post
VIEW IN TELEGRAM
Please open Telegram to view this post
VIEW IN TELEGRAM
❤13👍12🔥3
Ҳабызшәаҿы иуԥылоит ашықәс аамҭақәа ирхылҿиааз ахатәы хьӡқәа: Ҟәшәа́н, Ҟәышәҭы́н.
Аԥсуаа рантропонимиа азҵаарақәа ҭызҵаауаз абызшәадырҩы Валентина Амҷԥҳа ишылыҩуа ала, Ҟәшәан ҳәа рыхьӡырҵон, ма хьӡшьарас ирырҭон аԥхын-ҭагалан ииз ахәыҷқәа (родившийся во время сбора урожая), Ҟәышәҭын — ааԥынразы ииз (родившаяся во время цветения). Арҭ ахьӡқәа кыр ҵуеит ахархәара рымамижьҭеи...
Аурысшәаҿы, иаҳҳәап, ҭагалан аазырԥшуа ахьӡ иахьа уажәраанӡа аԥсы ҭоуп: Есе́ния (осенняя) дыӡӷабзар, Есе́ня — дхаҵарԥысзар, апоет Есенин ижәлагьы убрантә иаауеит.
#ахьӡқәа
Асахьаҿы: Қьецаа рыҩнаҭа, Кәтол ақыҭа
🧡 Ахьыуардын шәақәтәа
Аԥсуаа рантропонимиа азҵаарақәа ҭызҵаауаз абызшәадырҩы Валентина Амҷԥҳа ишылыҩуа ала, Ҟәшәан ҳәа рыхьӡырҵон, ма хьӡшьарас ирырҭон аԥхын-ҭагалан ииз ахәыҷқәа (родившийся во время сбора урожая), Ҟәышәҭын — ааԥынразы ииз (родившаяся во время цветения). Арҭ ахьӡқәа кыр ҵуеит ахархәара рымамижьҭеи...
Аурысшәаҿы, иаҳҳәап, ҭагалан аазырԥшуа ахьӡ иахьа уажәраанӡа аԥсы ҭоуп: Есе́ния (осенняя) дыӡӷабзар, Есе́ня — дхаҵарԥысзар, апоет Есенин ижәлагьы убрантә иаауеит.
#ахьӡқәа
Асахьаҿы: Қьецаа рыҩнаҭа, Кәтол ақыҭа
Please open Telegram to view this post
VIEW IN TELEGRAM
❤10👍6🔥3
Иџьашьатәу ажәытә аԥсуа хьӡқәа
🤩 Ахацәа
• Абахә
• Абга
• Абла
• Алым
• Ажәа
• Ажәеиԥшь
• Аиргь
• Азаҵә
• Ныҳә (Ной)
• Раԥшь
• Бнагә
• Аԥҭа (анахцәа рҿы иуԥылоит А́пти)
• Хаҵа
• Хыхьча
• Хьырҟәыбҷа
• Хьышьаҭашәа
• Шьханыҟәа
• Шьамхныҟәа
• Мҩаныҟәа (путешественник)
• Чаԥаныҟәа (вооруженный)
🤩 Аҳәса
• Хьыц
• Шәҭыц
• Цырцыр
• Ҟәышәҭын
• Каԥха
• Мраԥха
• Мракаԥха
• Лагәырӷьа
• Рагәа // Рыгәа
• Хьыԥа
• Хьымза
• Цәымза
• Хьычԥаԥыр
• Шарԥы
• Шарԥица
• Нышьа
• Мзышьа
• Мзышьха
• Шаша
• Ҭшаша
#ахьӡқәа
🧡 Ахьыуардын шәақәтәа
• Абахә
• Абга
• Абла
• Алым
• Ажәа
• Ажәеиԥшь
• Аиргь
• Азаҵә
• Ныҳә (Ной)
• Раԥшь
• Бнагә
• Аԥҭа (анахцәа рҿы иуԥылоит А́пти)
• Хаҵа
• Хыхьча
• Хьырҟәыбҷа
• Хьышьаҭашәа
• Шьханыҟәа
• Шьамхныҟәа
• Мҩаныҟәа (путешественник)
• Чаԥаныҟәа (вооруженный)
• Хьыц
• Шәҭыц
• Цырцыр
• Ҟәышәҭын
• Каԥха
• Мраԥха
• Мракаԥха
• Лагәырӷьа
• Рагәа // Рыгәа
• Хьыԥа
• Хьымза
• Цәымза
• Хьычԥаԥыр
• Шарԥы
• Шарԥица
• Нышьа
• Мзышьа
• Мзышьха
• Шаша
• Ҭшаша
#ахьӡқәа
Please open Telegram to view this post
VIEW IN TELEGRAM
Telegram
Ахьыуардын
Ахьӡ – хьарԥшгоуп.
Аҩызцәа, арубрика ҿыц шәыдаагалоит, аԥсуа хьыӡқәа ирызку. Ҳканал ахьӡ излаҳаднаҵо ала, "ахьы" иахылҿиааз рыла ҳалагап😇Ас иҟоу ахьӡқәа ажәлабзиареи, ахәшьара ҳараки, ажәытәан иҿианы иҳамаз ахьы акульти уи аԥшӡареи рныԥшуеит.
Анкьа ахәыҷқәа…

❤11👍6🔥4
Ахьыуардын
Иџьашьатәу ажәытә аԥсуа хьӡқәа 🤩 Ахацәа • Абахә • Абга • Абла • Алым • Ажәа • Ажәеиԥшь • Аиргь • Азаҵә • Ныҳә (Ной) • Раԥшь • Бнагә • Аԥҭа (анахцәа рҿы иуԥылоит А́пти) • Хаҵа • Хыхьча • Хьырҟәыбҷа • Хьышьаҭашәа • Шьханыҟәа • Шьамхныҟәа • Мҩаныҟәа (путешественник)…
Аԥсуаа рыҳәсақәа ахацәа ирылагыланы ҽыла иныҟәон. Уимоу, кавказаа рҟны еибашьуаз ахацәа ирывагыланы аӷа иҿагылаз еиҳарак аԥсуа ҳәсақәа ракәын.
Қьалышьбеи иԥа Асланбеи Чачба Аҟәа дықәымҵыр анамуы, аамҭала асаӡқәа рҿы дтәеит — Гагра уахьынхшәо, Аҽмарда злаҟоу ала, убрахь аҩадахьы. Убрантә иҽеибыҭаны дааны джәылон, иаб иҭынха иргьежьырц. Ирҳәоит, зехьынџьара иныҟәарақәа рҿы дицын ҳәа иԥҳәыс! Дицҽыжәлон, дицҽыжәҵуан, иқәԥараҿ дивагылан. Лара уамашәа аҽыбӷа дазҟазан. Убас, ԥҳәысҵас ганха дақәтәангьы аумақәа ҟалҵон.
Асланбеи раԥхьатәи иԥҳәыс д-Гьечԥҳан, Ди́да лыхьӡын. Ари ахьӡ афонетикатә вариант амоуп — Де́да. Аҩбагьы рҿы аԥхьа игылоу -д ԥшқахаӡом, аԥсшәа аԥҟарақәа инарықәыршәаны.
Дида Гьечԥҳа лҭеиҭԥш ҳаздырӡом, амсылман ҵас ала усҟан рсахьақәа ҭырхуамызт. Аха ҟазшьала Баалоуԥҳа Мадина длыдукылар ауеит, афыццышә иаҩызаз. Уи лыдагьы, Нарҭаа репос аҿы, аԥсуа лакәқәа рҿы ирацәоуп аҳәса-еибашьцәа рхаҿсахьақәа, даара иҟәыӷоу, игәымшәоу, зыхшыҩ цҳауа.
Аԥҳәыс аҩнаҭа лхагылоуп, аха ианаҭахха, аҽықәтәарагьы, ахысрагьы лылшон, ахаҵа дарӷьажәҩаны дивагылон, акаҿы даҵахомызт, афырԥҳәыс ҳәа ззырҳәаз ԥыҭҩык иагьраԥылгон.
#ахьӡқәа
Иҭабуп ҳәа иаҳҳәоит ари анҵамҭа аҩраан ҳзыдҵаалаз аҭоурыхҭҵааҩ Џьамбул Инџьгьиа.

❤14👍6🔥3❤🔥1🤗1
Иԥсы ҭазҭгьы иахьа 70 шықәса ихыҵуан абаҩхатәра цқьа злаз апоет Виачеслав Ҷыҭанаа (1955 - 2005).
Изалхыз аамҭа шырацәамызгьы, аԥсуа литература аҿиараҿы злагала бзиа ҟазҵаз авторцәа дреиуоуп Виачеслав Ҷыҭанаа. Иара иӡбахә ианалацәажәо иазгәарҭоит апеизажтә лирикаҿы ицназго дмаҷуп ҳәа. Иҟыбаҩ заа ахы цәырнагеит, иажәеинраалақәа ркьыԥхьуан ашкол дышҭаз. Далгеит Аҟәатәи алицеи-интернат; Арҵаҩратә институт афилологиатә факультет. Есааира дышәуан, деизҳауан, иҿахәы иҳәон аӡыхь еиԥш ицқьаз хатәы бызшәала. Убри аан адунеитә литература, аурыс классикатә поезиа аӡы кылымкәо идыруан, ицәажәара еснагь цитатала ихыркын. Ажәа абжьы иаҳауан, иԥшӡаны, исахьаркны даԥхьон.
Виачеслав Ҷыҭанаа амилаҭ журналистика кыр дазааԥсеит, аус иуан агазеҭ "Аԥсны ҟаԥшь" акорреспондентс, ажурнал "Аԥсны аҟазара" аҭакзыԥхықәу амаӡаныҟәгаҩс. Аԥсуаа рмилаҭ-хақәиҭратә қәԥара дацнагаҩын. Аибашьраан аидеологиатә фронт гәашьамхыс иаҵаз дреиуан, ҳажәлар реибашьратә мҩа иазкыз арадиодырраҭарақәа мҩаԥигон. Ицәажәарагьы, дызлаҩуаз абызшәеиԥш, даара ибеиан.
Иажәеинраалақәа "Аԥсуа поезиа антологиа" иагәылоуп. Еизгангьы иҭыҵхьеит акымкәа-ҩбамкәа ашәҟәқәа. Аԥхьаҩцәа рзы ҳамҭа шьахәны иҟалеит 2017 шықәсазы иҭыҵыз Иалкаау иҩымҭақәа реизга>>

❤9💔3🙏2
АМШЫН
Анаҟә шкәакәа амшынгә ихыҵит,
Азқәа инықәсит ҭынч аԥшалас.
Рыжәҩа ҭыхны рыҭра иҭыҵит
Ацәқәырԥ, ашьыжь ицәанхалаз.
Иахьагьы ҳаиԥылеит ашьыжь,
Шьыжьнаҵы урҭ сгәы дырхаҵоит.
Наҟ сырԥырҵны сызцом сныҵышьшь,
Сгәы зырмаҷуа схьаақәа схырцоит.
Хьыӡрацара ицошәа еишьҭала,
Ацәқәырԥқәа сышҟа рҿаархоит,
Аҷныш шкәакәа хыхь ирхалан,
Ишрықәныҳәогь ирымам ҿааихак.
Сара сгәыӷра лаша еиҳазтәуа,
Насыԥс иамоу слашарбага,
Изыршәҭуа сынасыԥ, ицқьазтәуа,
Сымшын уами, сыцәқәырԥ хага!
Виачеслав Ҷыҭанаа
#алирика
🧡 Ахьыуардын шәақәтәа
Анаҟә шкәакәа амшынгә ихыҵит,
Азқәа инықәсит ҭынч аԥшалас.
Рыжәҩа ҭыхны рыҭра иҭыҵит
Ацәқәырԥ, ашьыжь ицәанхалаз.
Иахьагьы ҳаиԥылеит ашьыжь,
Шьыжьнаҵы урҭ сгәы дырхаҵоит.
Наҟ сырԥырҵны сызцом сныҵышьшь,
Сгәы зырмаҷуа схьаақәа схырцоит.
Хьыӡрацара ицошәа еишьҭала,
Ацәқәырԥқәа сышҟа рҿаархоит,
Аҷныш шкәакәа хыхь ирхалан,
Ишрықәныҳәогь ирымам ҿааихак.
Сара сгәыӷра лаша еиҳазтәуа,
Насыԥс иамоу слашарбага,
Изыршәҭуа сынасыԥ, ицқьазтәуа,
Сымшын уами, сыцәқәырԥ хага!
Виачеслав Ҷыҭанаа
#алирика
Please open Telegram to view this post
VIEW IN TELEGRAM
Please open Telegram to view this post
VIEW IN TELEGRAM
1❤16🔥4❤🔥2