Ахьыуардын
1.26K subscribers
1.39K photos
222 videos
1.66K links
Ахьыуардын — аԥсуа бызшәеи, аҭоурыхи, акультуреи ирызку апроект ҷыда. Напбзиа-шьапбзиа ахьыуардын дақәтәоуп. Шәҳацла: ахьы хәыҷуп, аха шәкы ицоит, аӡә дышәҩыкны дҳаԥхьаӡоит.
Download Telegram
This media is not supported in your browser
VIEW IN TELEGRAM
Ҽааны рҳәонаҵы шәагымзааит, акыр иаԥсоу ҳаԥхьаҩцәа, ҭаацәала шәгәырӷьо-шәыччо, шәыгәқәа бзианы!

Ҳныхақәа рдоуҳа цқьа, рдоуҳа џьбара иацырҟьоу ажьиреи ахьиреи рымаа зку, ирыҵагыло, рылԥха-ргәаԥха шәымазааит! Шьашәы – Ахьаҳ Ду, Абжьныха, зҳәа неиуа, зуы ылҵуа дызхылаԥшхәу зегь маншәалаз! Машәыр ҟамлааит аихаԥсыхә, аихалых аҟынтә, шәақьума, еихоума, ҳәызбоума, машьыноума!

Ҳазшаз Анцәа ду дасу шәыжьрацәара дахылаԥшааит, иазирҳааит, ирӷьацааит. Шәахьыҟазаалак имч зҩыда, ибзиара шәахимбааит! Аныҳәа алԥха шәымаз зегьы! Абарақьаҭра шәҭазааит! Мши, насыԥи, хаҳареи аанагааит ҳазҭалаз ашықәс ҿыц!

Уахатәи Ажьырныҳәа амзаҭәымҭа иақәшәеит. Мзашәа икаҷҷо, мрашәа илашо ҳажәлар ирызшоу рыԥсадгьыл ианызааит наунагӡа! Ҽаанбзиала!

🧡 Ахьыуардын шәақәтәа
Please open Telegram to view this post
VIEW IN TELEGRAM
27👍5🥰2
Иахьатәи амш, Ажьырныҳәа адырҩаҽны, Хылаҵа́ра, ма Хлаҵа́н ҳәа иашьҭан анкьа — "день сеяния пуль". Абри аҽны ақыҭа ҷкәынцәа, арԥарацәа иҭҟьо рабџьарқәа аашьҭыхны, иахьшәарҭам џьара ацәҟьара кыдҵаны харантә иеихсуан, ахы ларҵон, иақәшәацыԥхьаӡа рхымҭа иақәныҳәон.

Иара убас, ашьыжь анаашалак шәарыцара иҭыҵуан, ардәына-архьына ԥсылақәа ршьуан, ашәч иалартәаны еимырдон. Аԥсаатә рыԥсы шҭазгьы иҩычаны изышьҭуаз ыҟан, еиҳарак — иргәаԥхоз аԥҳәызба лзы ҳамҭас. Ԥсыуала аҽырбара иахәҭакын, иԥшӡан-ихаан ари аҵас.

Ҳаамҭазгьы Ажьырныҳәа ҽнак ала инҵәаӡом, аҩымш-ахымш раан ауа-аҭахы, агәыла-азла еиҭанеиааиуеит, еибабоит, ҽаанбзиала ҳәа еибырҳәоит. Ашықәс ҿыц раԥхьатәи амшқәа рзы ауаа ирҳәо-ируа ҷыдала иацклаԥшуеит, амшьҭабзиа, алаԥшбзиа рашҭа дҭалар рҭахуп, изакәызаалак хәахәак ҳамхамундаз ҳәа иҟоуп.

Ажьырныҳәа архаикатә шьаҭа иамоу еиқәханы иаауеит. Аритуал ахаҭагьы, адырҩаҽнытәи ақьабзқәагьы ирныԥшуеит ҳжәытә милаҭтә дунеихәаԥшышьа. Иахьагьы аԥсуа қыҭаҿы аҭаацәа реиҳабы зегь раԥхьа дгыланы ашәч, арасамахә, мамзаргьы ахьаца амахә хҵәаны иааганы агәашә, аҩнашә иаиркуеит, абарақьаҭреи аизҳареи иртәуп ҳәа. Убас, аџьықәреи ҿырпи аԥара ҿырпи еилаԥсаны аҩны аҩнуҵҟа, ма ахәыҷқәа ахьышьҭоу ауадаҿы адашьма иқәырԥсоит, "Ахьи араӡни ҷах-ҷах!" рҳәоит. Аригьы аҭаацәа маншәаланы, ргәы бзиа, рхы бзиа, акы иазрыцҳамкәа рыҟалара иазҳәоуп.

🧡 Ахьыуардын шәақәтәа
Please open Telegram to view this post
VIEW IN TELEGRAM
16👍3
Андерсен илакәк аҿы иуԥылоит аҳ иԥҳа илеиҽырбоз аҷкәын аԥсаатә-шәаҳәаҩы аҟармаҵыс ҳамҭас илзыишьҭуа. Шьоукы рзы хара инаскьахьоу алакә ҳара иаҳлабҿабан ааскьанӡа. Аромантика ҳабацәа рхаан:

"Ахаҵа игәаԥхоз аӡӷаб илзиҭиуан ардәына агәмаркатыл ҟаԥшь аҿыҵакны, ашәшь иалартәаны (ӡынразар). Аҟаԥшь иаҵанакуаз "бзиабарала сшьуп" ҳәа акәын. Лара иара дылгәаԥхозар, лсымҭак изаалҭиуан.

Ардәына
ршьӡомызт, аҽҵыхәала иркуан. Ашәшьҵла амахәҭаҿ аҽҵыхәа хәыдхаршәны икнарҳауан, инавакны агәмаркатыл ахьнырҳалан иҟарҵон. Ардәына агәмаркатыл ианацрасуаз ахәыдхаршә ахашәон. Аеҵәа, аҟаԥшь еиларҵон, аҟаԥшь — ҭархаган, аеҵәа аҭынчра иазҳәан".

Витали Ҳараниа ишәҟәы "Жәҩангәашәԥхьара аԥашәқәа" аҟынтә

⭐️Ахьыуардын шәақәтәа
👍142😍2
🧩 Ажәахырҿиаара

🐴 Аԥы́рцә (грива)

Иззымдыруада ари ажәа? Уи аҟынтә еиҳагьы аинтерес аҵоуп "ишцәажәо" аилкаара.

Иахьатәи алитературатә бызшәаҿы нормас ишьҭыхуп "аԥырцә", аха адиалектқәа рҿы иаҳԥылоит еиҳа ихаҭәаау авариантқәа, абжьыуатәи аҿы — "аԥы́рцәқәа", "аҽаԥы́рцә"; бзыԥтәи аҿы — "аԥры́қәцә", ма "а́бра" ҳәагьы рҳәоит.

Ҳгәанала, ари ажәеилаҵоуп, ҩ-шьаҭак реилаларала иҳауит:
• "аԥыр" + "а́цәқәа" (абжь.);
• "аԥры́" + "а́қәцәа" (бз.).
Урысшәала — "летящая верхушка". Аҷараҳәа цаԥхада иаатыз ашә еиԥш игәылшәома ажәа аҵакы?

Аҽы аныҩуа аԥырцә аԥша иарԥыруеит. Уи адагьы, аҽи аԥырреи еицәтәымӡам ауаҩы иабстракттә хәыцраҿы, еиуеиԥшым ажәларқәа идырҿиаз амифологиаҿы, иаҳгәалаҳаршәап аԥсуа епос иалоу арашь.

"А́бра" (грива) аҳәашьала зынӡа "а́ԥра" (парус) иеиԥшуп, абригьы иҳаҵанаҳәо џьаҳшьоит аҩ-ажәак "аԥырра" ишахылҿиааз. Аҩбагьы ижәытәӡоу еилкаарақәоуп, руак аҽааӡара, арахәааӡара иатәуп, егьи — амшынтә лексика ⛵️

▫️ А́нади а́бра ду́хоит (ажәаԥҟа) — у ленивой лошади вырастает длинная грива.

▫️ "Ақәцәа // ацәқәа" ажәагьы ҩбаны еилоуп, уи азакәхап "анаҳәааҳәра" зазымариахаз. Ашьаҭеилаҵара — аморфологиатә ажәахырҿиаара хкы иааидкыланы алҵшәа ду амоуп аԥсшәаҿы. Авариантқәа рырацәарагьы ҳбызшәа иабеиароуп.

#ажәахырҿиаара

🧡 Ахьыуардын шәақәтәа
Please open Telegram to view this post
VIEW IN TELEGRAM
👍17🔥32
XIX ашәышықәсазы Аԥсны иқәынхоз, типра зуаз, аԥсуа хаҵеи аԥсуа ԥҳәыси рҭеиҭԥшқәа Шоҭа Сымсым иҭоурыхтә поема "Бзыԥ ақәлацәа" аҟынтә.

Ахаҵа дзеиԥшраз:

"Аҽыуаҩ иааиуаз даара бзиа Бзыԥын ирдыруаз уаҩын,
Ақыҭа иааӡаз Уаҭҳара, даардыруеижьҭеи дынхаҩын.
Чан — ичеиџьыка чара чысын, уын — имхәысҭа еилачы,
Ибаҩ иалшаз акәын усгьы; иҟәына, иҟама, иҟамчы.

Дҽыжәланы дҽырԥа-ҽырԥо, иаԥсуа маҭәа драӡынха,
Ргәы дахәон дызбалакгьы, ауа ақәла, аҭынха.
Ихылаԥарч ақә ргыла, ачаԥқәа алыԥхаауа аш,
Ачыхә џьуџьуа, ишьқьыры-шьқьыруа ибӷа икыдын ихҭырԥаш.

Еиламгыло иҽыз қьоуқьад, аӡы данырхо, еиларшуа,
Алымҳақәа леивга-ҩеивго, ахы иҩахан ԥхьаҟа иԥшуа,
Аӷәра иахо, ахәдагә ырхәан иааины иаақәгылт аҟәара,
Алеиқәаҵәақәа шеишеиуа, ахаԥыц масар еиҟара..."

Аԥҳәыс дзеиԥшраз:

"Дҵараданы дыҟазаргьы, ԥацха хыгьежьаак дыҩна,
Аҳәса ҟәыӷақәа иреиуаз лакәын Блуԥҳа Хамсина.
Ҩыӡа акәшон лыбӷаӡара, насгьы лоурагьы наӡан,
Ишьыцыргон уи ллаӡара, қыҭа нхарала дааӡан.

Лыччабжь бжьыцқьала илхылҵуаз, уаргәырӷьарын иуаҳар,
Лыхцәы жәпа ду иаалыдҳалоз ԥшӡа даҩычон аџьуҳар,
Лыла ҭбаақәа лхаџьуџьуа, лхы-лҿы маҷӡак иаагьежьны,
Лаԥшыхаала данынухәаԥш, уцарц залшом угьежьны.

Амаҵ луазар, цәгьа данаалон ажәлар реицчарақәа рҿы,
Дҽыжәуҵозар — азамана, дацәшәаӡом зынӡак аҽы.
Аимҭахарақәа рҿы ируамызт дыдмырхыскәа уи дбаны,
Иҟан имхысуаз уи лашьҭахь уаҟа ацәҟьара иарбаны..."

📖 Ҩы́ӡа лы́кәшон — ее талию можно было обхватить двумя ладонями

Апоема асиужет ала, арҭ аҩыџьагь (Чаҳәҭала Аибеи Блуԥҳа Хамсинеи) ахҵәарақәа раан ргәы еицҳауа ажәлар ирылан, ԥсыхәа ыҟазар шәыԥсадгьыл аанышәмыжьын ҳәа, убас ақәҵрада даҽа мҩак зымбоз аӡәырҩы дыргьежьит.

Асахьақәа: Баҭал Џьапуа

🧡 Ахьыуардын шәақәтәа
Please open Telegram to view this post
VIEW IN TELEGRAM
Please open Telegram to view this post
VIEW IN TELEGRAM
👍185
Аԥсуа культура иаиуит ацәыӡ. Иӷәӷәамҭа дышҭагылаз идунеи иԥсахит Аԥсны зҽаԥсазтәыз ажурналист Даур Инаԥшьба. Ахаҿы аагара уадаҩуп Аԥсуа телехәаԥшрала уаҳа иҳаҳарым ҳәа ажәабжь ҿыцк ҳазҳәо, ҽа бжьык иаламҩашьо ибжьы.

Даур Инаԥшьба иԥсҭазаара зегьы ажурналистика иазкын. Аибашьра ҟалаанӡагьы Аԥсны имҩаԥысуаз аҭоурыхтә хҭысқәа дрылагылан, дыршаҳаҭын, рыӡбахә еиҭеиҳәон. Аибашьраан арратә корреспондентс аус иуан, акамереи амикрофони абџьарс изкыз дрывагыланы. Ианҵамҭақәа ирныԥшит уи аамҭацәгьа Аԥсны ианнаҵоз ашәахсҭақәа, амца иалагылаз ҳаибашьцәа ргәымшәареи ргәыӷреи.

Ззанааҭ иазҟазаз, ԥсыцқьарыла зус иазнеиуаз ажурналист, ҽынлаз-уахынлаз, цәгьароума-бзиароума Аԥсны акрызҵазкуа хҭыск ахьыҟалаз зегь раԥхьа иубоз аӡә иакәын. 35 шықәса инарзынаԥшуа ҳмилаҭтә тележурналистика амаҵ азиуит. Иџьабаақәа рацәоуп, "Ахьӡ-Аԥша" аорден ианашьоуп. Аԥсуа пресса ахаҭарнакс ҳтәыла анҭыҵ дныҟәахьан, иԥсадгьыл ахаҿра ихаҿран, дахьыҟазаалак гха-ԥхада иуалԥшьа анагӡара дашьҭан, дԥышәан, дхатәран, даамсҭашәан.

Аҵыхәтәантәи аамҭақәа рзы, аҽеиҩшарақәа ҳзышьцылахьоу акеиԥш ианыҟала, шьоукы аныразым шьоукы рзы, иара илшеит зегьы рзы дразны аанхара. Имариаӡам, ус ушамзар. Иқәлацәа рҿы дҩызан, аҿар рзы дԥызан, дгәыбылҩын, дагьиашьан. Иԥсҭазаара далҵит зааӡа, иҿахәы нагӡаны иҳәаанӡа, ииубилеитә шықәса 65 дшырҭаз. (Имширақәа неиҵыхны иазгәеиҭаӡомызт аибашьра ааилгазар, ишьаарҵәырахаз Марттәи ажәылара арыцхә иақәшәон азы). Иуа-иҭахы, иколлегацәа шихьҵәыуо еиԥш дызхьымӡаз иусқәа ихьҵәыуоит иахьа. Гәалсра дууп. Иԥсаҭа лашахааит!

🧡 Ахьыуардын шәақәтәа
Please open Telegram to view this post
VIEW IN TELEGRAM
🙏20😢5👍3
Forwarded from Sputnik Аԥсны
This media is not supported in your browser
VIEW IN TELEGRAM
Аԥсуа журналистикаҿы дыҟамзар ҟалап Даур Инаԥшьба иаҟара ахӡыргара иашьҭамыз, аиндаҭлара зламыз, иара изыҳәан аиҳабыра, аҭыԥқәа акгьы аанагаӡомызт, зегь раԥхьа иргылон изанааҭ, абас лколлега дылгәалалыршәоит Аԥсны зҽаԥсазтәыз ажурналист Емма Хоџьааԥҳа.

"Ажурналистика знапы алаку ҳабжьара имаҷзар ҟалап Даур еиԥш зыуаҩреи зыпрофессионализми рыҩаӡарақәа еиваҟәыло иныҟәызгоз. Аԥсышәала ицәажәо ажурналистика арҿиара, нас уи иҭышәынтәалоу ахаҭабзиара аҟынӡа зырҿиарала иназгаз дыруаӡәкуп. Даур есымша иман аҳәатәы, аҳәашьагьы дақәшәон, иара ижурналистика ҭышәынтәалан, ишәан-изан, уи азгьы ателехәаԥшцәа бзиа дырбон. Даур иҩыза арепортиор дыҟаӡам", — лҳәеит Хоџьааԥҳа.

🖇 65 шықәса дшырҭагылаз иԥсҭазаара далҵит Аԥсны зҽаԥсазтәыз ажурналист, арратә корреспондент, аорден "Ахьӡ-аԥша" ахԥатәи аҩаӡара занашьоу Даур Инаԥшьба.

1990 шықәса инаркны Аԥсуа телехәаԥшраҟны аусура далагеит. Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьраан Мраҭашәаратәии Мрагыларатәии афронтқәа рҟны арратә корреспондентс дыҟан. "Агәымшәараз" амедал ианашьан.
👍13💔5
🏘 Аҩни аҩнреи ирыхҳәаау аԥсуа жәаԥҟақәа

• Ахан аиҳа аԥацха агәы ҭбаауп.

• Хатәы ҩны — хатәы мца.

• Аҩны лашәуп — алымҳа амоуп, адәы дагәоуп — аблақәа амоуп.

• Зыҩны аԥҳәыс дақәым, имӡырхагьы лахь ақәашьым.

Ахәыҷқәа зыҩноу аҩны гәырӷьароуп, изыҩнам — гәырҩароуп.

• Аԥҳәыс гәыкала аҩны даныҟамла, аҩнра ыӡуеит.

• Аҩны — ишуҭаху, тәымџьара — ишырҭаху.

• Аԥсуа аҩн бзиа зиргыло асас изоуп.

• Сас-гәашә ахьҿамыз аҩнаҭа лашьцоуп.

• Уҩныҟа амҩа зегь реиҳа икьаҿуп.

• Зыҩны блыз ахәа деигӡон.

• Абҩатәы ҩны иҩназ абҩатәы ҵәымӷ игхеит.

• Аԥара аҩнаҭа арԥшӡоит, иагьагоит.

• Аӡәы ихан аҵкыс уара уқәацә.

• Ҩ-ҭӡык рыбжьара уак думандаз! (= Ауацәа рацәаҩны иуамазааит)

Ахыҵхырҭа: Оҭар Ӡиӡариа "Аԥсуа бызшәа аргыларатә лексика"; Олег Шамба "Ҭырқәтәылатәи аԥсуаа ражәаԥҟақәа"

#ажәаԥҟақәа

🧡 Ахьыуардын шәақәтәа
Please open Telegram to view this post
VIEW IN TELEGRAM
👍165
Аҵыбра (чабер) даҽа хьӡыкгьы амазаап ҳабызшәаҿы — ачахәсхәа (букв.: "зелень для хлебобулочных изделий"). Иссирми!

Ажәар ҳлагәылалан еизаҳгеит иҵегь абас аԥсышәа цқьала ицәажәо асинонимқәа 15. Шәаргьы иацышәҵа:

Аныҳәарҭа - ашьапкырҭа (ауахәама)

Ақәра’ - аныхаҳәара (давать клятву)

Ачалаа - ачаԥыга // аҽбыга (коса “для хлеба”)

Абаҳа - ажыга - арпыга (лопата)

Ашымҳаҵыс - амлаӷәыр (иволга)

Аркьыц - аҵәгәыр (рыболовный крючок)

Аԥыҭҳәа - абӷацгәы (рысь “горная кошка”)

Арцыш - аинцәыш (ящерица)

Аҿшьы - аҷышь - ахыц (смычок)

Аҵәры - ахьамуам (яловый)

Ажьҵәры // ажьынҵәры - абгарыжь (черника кавказская)

Аҟәылбыш - ахәыл (кольраби)

Аччиаԥш - аҩсҭааиԥш //аҩсҭааџьықәреи (сорт мелкой желтой кукурузы)

Алаԥыџь - алахәыц (ресницы)

Аҩнеихаса - аҩнеихаҟәа (бревенчатый дом)

#асинонимқәа

Асахьаҿы: аџьықәреирҭа

🧡 Ахьыуардын шәақәтәа
Please open Telegram to view this post
VIEW IN TELEGRAM
👍186🤗2
Даниуа зегь иеигәырӷьоит ауаҩы,
Аԥсабара иаԥхьа ихырхәоит асаара.
Аха ирзырҳәахьоузеи нас шаҟаҩы:
Дмиӡар еиӷьын ҳәа хара?

Мап!
Ауаҩы дыҟанаҵ мрашәа дыԥхалароуп,
Амреиԥш ихы-иҿы, игәы цқьаӡа,
Даныԥсуаҵәҟьагьы, иԥсы мраҵас иҭашәароуп,
Жәлар ргәаҿы дынхартә длашаӡа!

Алықьса Лашәриа

Афото:
Џьумбер Аҩӡба

🧡 Ахьыуардын шәақәтәа
Please open Telegram to view this post
VIEW IN TELEGRAM
515😢11👍5
"А́мсатә ҟы́га — жьыхәҭа́ карко́у".

Иркәараҵаны иҳәоу ари ацуфара иаҵаҵәахуп зегь еицырдыруа аԥсаатә аҵларкәыкә. Азныказы аҭак аҟаҵара уадаҩушәа угәы иабоит, аха имариоуп, ажәақәа зегьы рҵакы еилукаауазар.

Аҟы́га // аҭҟа́га
— мыругоуп (долото), акарко́у — зцәеи зымҿыши зхабахьоу, иҩахьоу аҵла агәаԥшь (затверделая древесина), арацәарцаразы рхы иадырхәон. "Амсеи" "ажьыхәҭеи" ззеиҭагатәу ара аӡәгьы дыҟам. Шаҟа еилацаланы, иԥшӡаркны иҭыхузеи аԥсаатә асахьа!

Аҟыга иеиԥшу аԥыц ҵарыхәҵәала иаасуа, аҵла аркәыкәуеит аҵларкәыкә! Уи агәы иаӷраланы иҭызфаауа ахәыршқәа ԥшааны иафоит. Аԥсабаразы ихәарҭоуп. Аҵла иахьадтәалоу ашьапхыцқәа аларԥсны иакуеит, ҵыргәас иамоуп аҵыхәа кьакьагьы. Аашар хәлаанӡа ҟыгә-ҟыгә амшуп. Бжеиҳан аҵла кылҵәаноуп аҭрагьы шыҟанаҵо.

Аҵларкәыкә абажә ианамысуа ахы ахьуеит рҳәоит, абас ааԥсарада аус иахьаҿу азы. Абажә ианамысуагьы ыҟоуп — уи аӡынразоуп, усҟан аԥсаӷь жәлақәа гәылхны ирфоит ҵларкәыкәқәак, аҵла еиҩшьара ибжьаҵаны. Аԥсны иуԥыло аҵларкәыкәқәа зегьы Ашәҟәы ҟаԥшь иануп, реишәарыцара ҟалаӡом.

Аҵларкәы́кә ӷраду́ — большой пёстрый дятел
Аҵларкәы́кә ӷрахәҷы́ — малый пёстрый дятел
Аҵларкәы́кә еиқәаҵәа́; акьаркьа́лжелна
Аҵларкәы́кә иаҵәа́ — зеленый дятел

#аԥсаатәқәа #ацуфарақәа

📖 Аҟы́га — бзыԥтәи адиалект аҿы "трамбовка" аанагоит, "долото" азы иара убас ацәымҟа́, ма агәымжьа́ҵә рҳәоит; аиқәҟы́га — пресс.

🧡 Ахьыуардын шәақәтәа
Please open Telegram to view this post
VIEW IN TELEGRAM
Please open Telegram to view this post
VIEW IN TELEGRAM
👍174
Ашьшьыҳәаӡа сышнеиуз амҩан
Даасԥылеит ҽыуаҩк, иҽы ҭоуӷанӡа.
"Мшыбзиа!" — иҳәеит,
Дызусҭашь, дарбан?
Уа бзиа убааит ҳәа иҭакгьы сҳәаанӡа
Дазцеит ахыкәалаа еиԥш имҩа даха,
Саха имамзаргьы иаԥсшәахаа ссирӡоуп...
Архәараҿы дызбаӡом уаҳа,
Аха аԥҟараҳәа иҽышьҭыбжь ныжьӡоуп.

Владимир Ахьиба "Мирод Гәажәба ибжьы" ацикл аҟынтә — раԥхьаӡа даниба аахыс исахьа шигәалашәоз.

📆 Сынтәа 90 шықәса ҵуеит аԥсуаа рҿахәҳәаҩы, Аԥсны ахақәиҭра азықәԥаҩ Мирод Гәажәба диижьҭеи.

🧡 Ахьыуардын шәақәтәа
Please open Telegram to view this post
VIEW IN TELEGRAM
👍13🔥3
...Аҩны ианааи Мирод иԥшәма ԥҳәысгьы рхәы ҟаҵаны дырзыԥшын. Ианаатәа, Анцәа улԥха ашьҭахь, Мирод дҩагыланы ҳаԥсуа бызшәа иныҳәеит. Ҩасҭха аишәакьаҿ иахатәаны ичоз ихәыҷқәа, раб дцәажәонаҵы иӡыҩӡа игылан.
– Амын! – рҳәеит дара адруҳәа, иажәа даналга.
Мушьни дааԥышәырччеит. Ари аҩнаҭаҿы ус ишаԥыз идыруан.

Даур Занҭариа "Ашьанҵауаҩ" аҟынтә

🧡 Ахьыуардын шәақәтәа
Please open Telegram to view this post
VIEW IN TELEGRAM
👍16
"Аҳауа иалоуп ацәыкәбар еиԥш
Ҭынчра дуӡӡак ахабар..."


Иахьа лиубилеи азгәалҭоит ақәыԥшра ацәа хаа ззынханы иҟоу апоет-алирик, ажурналист, апублицист Инна Ҳаџьымԥҳа. Ашьхацамҩақәеи амҩахәасҭа еихаԥсақәеи ирнысхьоу, аханшьалара ӷәӷәа злоу аԥҳәыс ԥшӡа, аԥҳәыс гәымшәа, ахәыцҩы.

Ахра ақәцәан, аԥшақәа ахьеиҿасуа игылоу аԥсазаҵә еиԥш диашаӡа, лылахь ианыз ауадаҩрақәа дыриааины, лԥеи лыԥҳаи ршьапы иқәлыргылеит. Аԥсуа доуҳа дахаҭарнакны, лхатә ҭыԥ лыманы ауаажәлар дрылагылоуп. Ҽаанбзиала днеилааит!

Инна Ҳаџьымԥҳа аибашьра ашьҭахь Аԥсуа телехәаԥшраҿы имҩаԥылгоз ахәыҷтәы дырраҭарақәа "Ӡыркәи", "Еҵәаџьаа" абиԥарак рааӡахьеит. Убасҵәҟьа ауаа ргәы иҭымҵәо иҟоуп лавтортә проектқәа "Ашьхацамҩа", "Анарха"; ахәаԥшҩы дызмоу, дыззыԥшу адырраҭара бзиа "Уарада".

Аԥсуа литература ӡырызго, иазышәаҳәо арҿиаҩы, лара лхатә поезиагьы абжьы цқьа ахоуп, иҭышәынтәалоуп. Аԥхьаҩ инапаҿы иҟалахьеит лажәеинраалақәа реизгақәа "Мрашара", "Арасаӡыхь". Томла ашәҟәқәа ҭзыжьхьоу дреиуам, аха иҟоу ссируп, иузымҵәахуа баҩхатәрала иҭәуп. Убраҟа алахкразы иҳәоу ажәа ҽырбак уԥыхьашәом, зегьы илнырхьоу ауп, лажәа мҵәыжәҩада иԥыруеит, аԥсы ахоуп.

Агәабзиареи, аманшәаларақәеи лзеиӷьаҳшьоит ашьхаҩыча иаҩызоу, уаҩралагьы, рҿиаралагьы иаҳараку апоет. Ихьыԥсароу, ираӡынԥсароу лаԥсшәа хаа ҳаҳалар, ҳаԥхьалар ҳҭахуп шьардаамҭа.

"Хьы аагара ицози,
Хьӡы аагара ицози,
Мҩа рцəеилаган,
Ахымҩак рахь икылсуан.
Адунеи
Ахахьала иӡырҩуан,
Игылан.
Анцəа дугьы
Хəыцрақəак дрылан,
Ашырӡи ахəыӡи
Еилаԥсаны изеилыхуамызт.
Нанду лакəын —
Аԥсаатə акрырҿалҵон".


Инна Ҳаџьымԥҳа, 2018

🧡 Ахьыуардын шәақәтәа
Please open Telegram to view this post
VIEW IN TELEGRAM
Please open Telegram to view this post
VIEW IN TELEGRAM
👍133
Forwarded from Sputnik Аԥсны
"Иҟоуп аԥсҭазаараҿы агәырҩа ӷәӷәа змоу ауаа, аха рҩызцәа уи џьара акала ирԥырхагамхарц иахьынӡауа ихараны изҵәахуа, уи "алакҭа" уҭазмырԥшуа… Урҭ реиԥш иҟоу, згәырҩа аиааишьа здыруа ауаа шхәыцуа ус ауп, "ҳара ҳгәырҩа ҳара ҳҿы иҟазааит, ҳара ҳашәхымс изхаагари, иахьа усгьы аԥсҭазаара цәгьоуп, ауаа ҳара ҳтәгьы зырзацаҳҵари" ҳәа… Убас иҟоу сҩызцәа дреиуоуп ажурналист-апоет Инна Ҳаџьымԥҳа".

Абас иажәа хациркуеит иахьа изирамшу апоет-апублицист Инна Ҳаџьымԥҳа дзыҿцәажәаз Анатоли Лагәлаа иҳадигало анҵамҭа.

"Анцәа иара идыруазар акәхап узнигало амҩа зуҭаху. Алахьынҵа ыҟоу иҟаму ҳәа схәыцуан хынҩажәа шықәса... Инагӡаны издыруа: схала санысит уи амҩа, аха амаакырақәа сыман есымша — ажәа, аԥсуа дгьыл ахьчаҩцәа рдоуҳа, сан", — абас иҟоуп Инна Ҳаџьымԥҳа лыгәҭахәыцрақәа руак.

Аиҿцәажәара инарҭбааны шәаԥхьар шәылшоит Sputnik Аԥсны асаит аҿы.
👍113🔥2
Ахьыуардын
🧩 Ажәахырҿиаара 🐴 Аԥы́рцә (грива) Иззымдыруада ари ажәа? Уи аҟынтә еиҳагьы аинтерес аҵоуп "ишцәажәо" аилкаара. Иахьатәи алитературатә бызшәаҿы нормас ишьҭыхуп "аԥырцә", аха адиалектқәа рҿы иаҳԥылоит еиҳа ихаҭәаау авариантқәа, абжьыуатәи аҿы — "аԥы́рцәқәа"…
"Аԥырцә" аетимологиазы даҽа ҩ-ажәак

Бзыԥтәи адиалект аҟны аԥырцә азы ирҳәо ажәа "а́бра" абаза бызшәала иаанагозаап "ахцәы". Ауаҩы изгьы ирҳәоит, аҽы аԥырцә азгьы ирҳәоит ("пырцв" ажәа шрымоугьы), аџьықәреи ахышәҭ азыҳәангьы ирҳәоит. Браҭыхын ахьӡуп ашәуаа рнанҳәамза — аџьықәреи алапҟьа ҿаланы "ахцәы" анҭнаго.

Бра, хъабра - волосы;
Тшы бра (ҽы́бра) - грива лошади;
Нартыхв бра - кукурузные рыльца.

Аԥсшәҿы ари алексема ҳԥылоит еиҭа ажәа "абрыш" аҟны (светловолосый и светлобровый, разг.: "белобрысый", -бры апраславиан бызшәала иаанагон "бровь"). Ахыш рҳәоит, абрыш рхәоит. Ахыш ихы шкәакәоуп, абрыш — ихахәгьы иџьымшьқәагьы.

▫️ Иҟалап, 'аԥырцә' ашьагәыҭ аҟны аханатә иҳамаз "(а)бра" акәзар: абра-цә → аԥра-цә → аԥрыцә // аԥырцә. Ари агәаанагара еиҳа аҵабырг иазааигәоушәа иҟоуп, аԥырра иадҳәалоу актәи аверсиа макьана мап шацәаҳамкуагьы.

#ажәахырҿиаара

🧡 Ахьыуардын шәақәтәа
Please open Telegram to view this post
VIEW IN TELEGRAM
👍13❤‍🔥3
Уцәажәара гәылзыршәо, уаҩы дызмырааԥсо ажәеиҭарсқәа (афразеологизмқәа), иацу

◊ Абамбарахəыц дацныҟəоит
дҳәатәхаҵаҩуп, дхынраалоуп;

◊ Абжьы́мра ихы иқəшуа аус иуеитамра реиҳа ианшу (в самый солнцепек, букв.: "в семь солнц");

◊ Иифо аҟəардə иналаҵаны дгылоит ажьы изкӡом, ифа иныԥшуам;

◊ Ҵәык азна акәац иқәымдаара игуп;

Инарцәышла дықәлеитақәра ду неигеит;

◊ Унацәаҭыԥ лынхалоитуамашәа дыԥшӡоуп, ахаа цәа лыҟәнуп;

◊ Инацәақәа харҟәало дтәоуп заа ихашәала иԥхьаӡоит;

◊ Нацәақәкра амамкәавбак амамкәа (безупречно)

◊ Абгабызшәа иҿоупдгызмалуп, ажәала ухихуеит;

◊ Сыбжа цеит сгәы цеит (ашәаразы);

◊ Илымҳацəқəа кьакьахеит ииаҳаз цәгьа дазҿлымҳахеит (навострил уши; "ушки на макушке")

◊ Амца еимырдоитеигәылацәа ааигәақәоуп.

Ахыҵхырҭа: Аԥсуа-аурыс жәар (аиқәыршәаҩ: В. А. Касланӡиа)

🧡 Ахьыуардын шәақәтәа
Please open Telegram to view this post
VIEW IN TELEGRAM
👍165