Ажәамаана-цуфара, аҩызцәа!
"Аҳ иҟамчы амҩа иқәыршәуп" иаанагозеи?
"Аҳ иҟамчы амҩа иқәыршәуп" иаанагозеи?
Final Results
79%
10%
10%
👍17😱1😭1
Зегьы иреицәоуп уззыԥшым аҳәҳәабжь.
Папынырхәа акыҭан иахьа арыцҳара иҟалаз ҳәашьа змам ауп. Зқьышә акыкахш ықәымбацыз хәҩык аиҳәшьцәа хәыҷқәа рыҩны ишыҟаз абылра иалахан рыԥсқәа рыхшәеит. Агәыҭшьаага, агәырдысга. Ҳаӷоугьы дызламԥшыша ари аҩыза џьаргьы иҟамлароуп ахаан. Аӡи амцеи урыцәшәа! Хҩыкгьы жәларуп ахьырҳәо Аԥсназы даара игәалсра дууп. Ҳтәыла ауааԥсыра алахьеиқәра рылаҳәоуп.
Рыԥсы рҭынч амаалықьцәа, иудкыл Ҳазшаз Анцәа ду. Хгашьак ыҟазар ирыҭ агәырҩа иақәшәаз аҭаацәа.

Telegram
Sputnik Аԥсны
Хәҩык ахәыҷқәа ҭахеит Гал араион Папынырхәа ақыҭан инхоз Ҷолариаа рыҩнаҟны иҟалаз амцакра иахҟьаны, абри атәы Sputnik иазеиҭеиҳәеит араион ахада Константин Ҧлиа.
Ахәыҷқәа иреиҵбаӡаз ҧшьымз ихыҵуан иҳәеит иара.
Заанаҵтәи адыррақәа рыла, ахәыҷқәа ранду амца…

😢22😐1
Media is too big
VIEW IN TELEGRAM
Аԥсуаа ирымазаарын "Ауазарҳәага" захьӡу амузыкатә инструмент. Ҳаамҭазы иакзаҵәыкны иеиқәхаз ари арҳәага иҟаҵамҭоуп Аԥсны еицырдыруаз анапҟаза, аԥсуаа рдоуҳатәи рматериалтәи культура аихаҳаҩ Кәыҷа Лакрба.
Арҿиаҩы иҭынхаз амазара беиа (200 маҭәар инареиҳаны) еидкылан ицәыргоуп иара ихьӡ ахны иахьа официалла иаартыз Гәдоуҭатәи аҳәынҭқарратә музеи аабатәи ауадаҟны.
Ара иҟоуп аԥсуа инхара-ибзазара, иабџьармаҭәа инҭкааны уагәылазырԥшуа, иҭырҷҷааны зҿахәы зҳәо аекспонатқәа рацәаӡаны — амузеи аусзуҩцәа еизыргоз, ауаа хатәгәаԥхарала ҳамҭас иарҭозгьы уахь иналаҵаны. Хыԥхьаӡарала 700 инархыҳәҳәо.
Шәахәаԥш раԥхьатәи аҭааҩцәа ргәалаҟара зныԥшуа авидео.
Аҿаԥыц ҳәамҭақәа реизгаҩ, знапы ахьы аԥссоз аҟаза Кәыҷа Лакрба иҭоурых шәаԥхьар шәылшоит абра>>
⭐️Ахьыуардын шәақәтәа

👍16❤2
Иԥхон Ашаеҵәа жәҩан агәаҿы.
Убасҟан аҽыхәчараҿ дииуан Ахәыҷы...
Уи диит, иҳазгәакьоу, иҳаиԥшу уаҩԥсны,
Ҳазлаҟоу иалаҟоу, игәнызго аӡәны:
Дакуан уи аӡба, ҳшакуа аиԥш зегьы,
Дааԥсон, дкарахон ҳа ҳаиԥшҵәҟьа иаргьы.
Ҳа ҳаиԥш еибакуан, еилашуан иара ишьа,
Амла дакуан, иамаԥиҽуан ача,
Иԥсы рыҽҳәаран еснагь ахәыҷқәа,
Еиҵаҩҩы иҟаз аҭаацәарақәа…
Иԥшьан иара изыҳәа абра-аԥара,
Ан лыбзиабара, лыгәцаракра,
Аешьара — аеҳәшьара, аҭынхара…
Аханатә ауаа зегь изгәакьан ибон,
Лаҵа-еилых имамызт, рыгәхьаа дагон.
Агәнаҳа даҵамызт, ауаатәыҩса зҵоу,
Абри ала дҳаиԥшмызт, ҽакала — мамоу,
Ҳарҭ зегь ишкаҳҭәо икеиҭәон аԥхӡы,
Аҵәымыӷқәа илауҵар — ихыҵуан иԥсы,
Ҳаргьы убасҵәҟьа ишаҳхыҵуа ҳаԥсы!
Абахә далҟьар — абахә дагон,
Уара ушҭахо аиԥш иаргьы дҭанархон,
Уиақәԥар — дуақәԥон, игәра угон — угәра игон.
Деиқәҷабын, дыхшыҩҭран, дхандеиуан, дуасҭон.
Диит Уи Ҳәахьала, дынцәауаҩны,
Арахь идгьылтәны иҟаз уаҩԥсны…
Диит, ааи, Ирылагамҭаны ишьоу,
Зегь Ираҳу, Ирымчроу, Иԥшьоу!
Ицәеижь — Мариа лахьтә, лцәеижь иатәны,
Иԥсы — Аԥсы Цқьа имҭоу Ԥсны.
Мушьни Лашәриа иажәеинраалоу ироман "Ашаеҵәа" аҟынтә

🙏18👍2
🌠 Ажьырныҳәа 7 рзы Аԥсны иазгәарҭоит Қьырса Иирамш, Қьырсаныҳәа.
Қьырсаныҳәа — Шарԥны адунеи ахьынӡанаӡааӡо миллионҩыла ауаа рыгәқәа ҭгәырӷьаауа иҟазҵо, ҩнаҭацыԥхьаӡа абзиабареи агәыӷреи назго ныҳәоуп.
Ари аныҳәа аԥсуаа назлоу ақьырсианцәа иазгәарҭоит инарҭбааны, шәышықәсала иаауа адоуҳатә, акультуратә традициақәа ирықәныҟәаны, рҵасхәра иатәны.
Қьырсаныҳәа — анцәахаҵара шьаҭас измоу ныҳәоуп, аԥсҭазаарахь, абзиарахь иуԥхьоит, ауаҩи аԥсабареи ахьеицану ҳадгьыл аҿы аԥсыцқьара ашьақәхара изҳәоуп, анҵыра иазҳәоуп. Аԥсҿыхҩы диит — иԥымкуа гәалашәароуп. Шәаланыҳәазааит агәра зго зегьы 🙏🏻

Ахьыуардын
📌 Ажәа бзиоуп
✨ Шарԥны́ – Рождество
Иахьатәи аныҳәа лаша Қьырса даҽа хьӡыкгьы амоуп аԥсшәаҿы: Шарԥны ("предрассветная звезда"). Иҟалап, Аԥсҿыхҩы дышиз азы идыргахаз, хәланы ицәырҵыз алашара ссир "Вифлеемтәи аеҵәа" ҳәа изышьҭоу иахылҿиаазар. Шарԥны́ҳәа –…

🙏13❤5👍2
Forwarded from Sputnik Аԥсны
This media is not supported in your browser
VIEW IN TELEGRAM
🔸2024 шықәса аԥсуа ҭҵаарадырразы илагала дуны иҟалеит фҩык ҳҵарауаа русумҭақәа ахьырыхьчаз ҳәа арадио Sputnik астудиаҿы иазгәеиҭеит аинститут аиҳабы Арда Ашәба.
"Макьана сара исыздырӡом, аибашьра еилгазар абас шықәсык иалагӡаны асҟаҩык ирыхьчоны иҟамлацызт, ари еизҳара дуны ҳахәаԥшуеит", — иҳәеит Ашәба.
🖇2024 шықәсазы ААР Д.И. Гәлиа ихьӡ зху Аҧсуаҭҵааратә институт аҟны адоктортәи акандидаттәи усумҭақәа рыхьчеит абарҭ аҵарауааа: С.Ш. Салаҟаиа, Д.А. Счастныи, Н.В. Касланӡиа, С.М. Сақаниа, Асланбек Марзеи, Саида Ҳаџьым.

👍19👏2
Адунеи убас ишоуп –
Џьара аныхәло, џьара шоуп,
Ак аныхаау, ҽак ашоуп,
Аӡә иқьар ҿаӡәы ихәашоуп.
Адунеи убас ишоуп –
Аӡә шәахәала игәы лашоуп,
Аӡә гәырҩала игәы рхәашоуп,
Аӡә дымҽыӷыуп, аӡә дыхәшоуп.
Адунеи убас ишоуп –
Аӡә изы амҩақәа еикәыршоуп,
Даҽаӡә имҩа-ҭбаа лашоуп,
Иаша дәышкәаӷьазшәа ишшоуп.
Адунеи убас ишоуп –
Аӡә зегь имоуп, аӡә дыбжоуп.
Насыԥ ссирӡа аӡәы изшоуп,
Арахь ихы ҭыԥшшоуп.
Адунеи убас ишоуп –
Аџьабааз аӡәы дшоуп,
Еснагь амарда даҿоуп,
Иара ихәҭаа арахь еиҩшоуп.
Адунеи убас ишоуп –
Аӡә ахьыҵхра аџьа дазшоуп,
Даҽаӡәых ахьӡы ихьыршоуп,
Арахь дызҿу хәаршароуп.
Адунеи убас ишоуп –
Ацәгьеи абзиеи рышьхәа еивҵоуп.
Хәахәеи иашеи еиҿарԥоуп;
Ириааиуа – инымҵәаӡо қәԥароуп.
Кәасҭа Гьерхьелиа
#алирика (афилософиатә)
🧡 Ахьыуардын шәақәтәа
Џьара аныхәло, џьара шоуп,
Ак аныхаау, ҽак ашоуп,
Аӡә иқьар ҿаӡәы ихәашоуп.
Адунеи убас ишоуп –
Аӡә шәахәала игәы лашоуп,
Аӡә гәырҩала игәы рхәашоуп,
Аӡә дымҽыӷыуп, аӡә дыхәшоуп.
Адунеи убас ишоуп –
Аӡә изы амҩақәа еикәыршоуп,
Даҽаӡә имҩа-ҭбаа лашоуп,
Иаша дәышкәаӷьазшәа ишшоуп.
Адунеи убас ишоуп –
Аӡә зегь имоуп, аӡә дыбжоуп.
Насыԥ ссирӡа аӡәы изшоуп,
Арахь ихы ҭыԥшшоуп.
Адунеи убас ишоуп –
Аџьабааз аӡәы дшоуп,
Еснагь амарда даҿоуп,
Иара ихәҭаа арахь еиҩшоуп.
Адунеи убас ишоуп –
Аӡә ахьыҵхра аџьа дазшоуп,
Даҽаӡәых ахьӡы ихьыршоуп,
Арахь дызҿу хәаршароуп.
Адунеи убас ишоуп –
Ацәгьеи абзиеи рышьхәа еивҵоуп.
Хәахәеи иашеи еиҿарԥоуп;
Ириааиуа – инымҵәаӡо қәԥароуп.
Кәасҭа Гьерхьелиа
#алирика (афилософиатә)
Please open Telegram to view this post
VIEW IN TELEGRAM
❤21👍12🥰2
"Егры уеимсар, Ԥсоу игылоу ихаирхааит иҳәоит…" Рушьбеи Смыр
Абас иҟоу тәылоуп Аԥсны. Напеикәырша ҳахьынхаша дгьылуп Аԥсны. Ҳазкӡом ҳҳәап ҳәа иҟада? Ҳмаҷуп. Иаҳзеиҩымшо арбан? Иаҳзеибымҳәо арбан ажәала? Ҳара-ҳара ҳақәибамыргыло аҟынӡа. Уи знык, уи ҩынтә, хынтә... Хьӡыс иаҳхылозеи анҭыҵ? Аҭеибархара ҳҭахӡам аԥсуаа, аҭибагароуп иаҳҭаху, лаҵа-еилых ҟамҵаӡакәа, зегь рыла. Зегь рыла.
Ухәмар, учча, схәы умфан — угәы уҽаниҵоит аԥсуа. Асаӡқәа Бзыԥ ақыҭақәа ирықәлан ауаа ҿаҳәаны ианыргозгьы, ахацәа анрыхьӡалак иаразнак иааргәыдҵаны иршьуамызт. Зны ирықәҿырҭуан. Ҩ-ганк ааиҿагылон. Иоушәыжь рҳәон, иҟашәымҵан, ҳаишьцәоуп зҳәоз ыҟан. Ианамуӡа, абџьар шьҭырхуан.
Аха иахьа, дуаӷаӡамзар, аӡәы иан ашәы шԥалшәуҵо? Ҩыџьа ран ишԥалшәуҵо? Аҽнышьыбжьон ақалақь агәҭа ахысра ҟалашьас иамоузеи!? Ацәгьоура иагьакуп, иагьыҩбоуп.
Аныҳәамшха угәы узырхьуа ахҭысқәа еихалеит, еицылеит. Хьаа-баада, аныҳәа агәы ҳаманы ҳарԥыло иҟалалааит аринахыс. Акәтаӷь былгьо иҳамбаргьы, ҭынч нхарак, қәнагак ҟалап ҳәа ҳгәыӷуеит Аԥсны, зыла ааԥшуа ҳхаан, ҳаамышьҭахьгьы, шьардаамҭа.

👍19🤗3❤2
▫️ Аешьеи аешьеи еиҿыҵуеит ҵеила аизҳарақәеи агәыбылреи ҟаларц, рҵакырақәа рыла Аԥсны ӷьацаларц.
▫️ Иаабац аԥсуа жьирақәа ракәзар [иахьжьиуа — адм.], Ажьырныҳәақәа раан иныҳәаша ажьирақәа рхала дырԥшаауеит, агәаԥхара ирҭоит.
▫️ Ашьхқәа анызҵо ажьира азааигәара акәын ашьхагәара аҭыԥ ахьалихуаз, еихылаԥшуеит ҳәа.
▫️ Ажьира адоуҳамч ԥсыҽхоит аӷьыч агәаҵәа иркны дурныҳәар.
Ацанба Цагәмас иҳәамҭақәа рахьтә. Еиҭалҳәеит Агрба Лида, ианылҵеит Белла Барцыц; "Алашара" 2020, № 6
Please open Telegram to view this post
VIEW IN TELEGRAM
👍14❤2
This media is not supported in your browser
VIEW IN TELEGRAM
Ҽааны рҳәонаҵы шәагымзааит, акыр иаԥсоу ҳаԥхьаҩцәа, ҭаацәала шәгәырӷьо-шәыччо, шәыгәқәа бзианы!
Ҳныхақәа рдоуҳа цқьа, рдоуҳа џьбара иацырҟьоу ажьиреи ахьиреи рымаа зку, ирыҵагыло, рылԥха-ргәаԥха шәымазааит! Шьашәы – Ахьаҳ Ду, Абжьныха, зҳәа неиуа, зуы ылҵуа дызхылаԥшхәу зегь маншәалаз! Машәыр ҟамлааит аихаԥсыхә, аихалых аҟынтә, шәақьума, еихоума, ҳәызбоума, машьыноума!
Ҳазшаз Анцәа ду дасу шәыжьрацәара дахылаԥшааит, иазирҳааит, ирӷьацааит. Шәахьыҟазаалак имч зҩыда, ибзиара шәахимбааит! Аныҳәа алԥха шәымаз зегьы! Абарақьаҭра шәҭазааит! Мши, насыԥи, хаҳареи аанагааит ҳазҭалаз ашықәс ҿыц!
Уахатәи Ажьырныҳәа амзаҭәымҭа иақәшәеит. Мзашәа икаҷҷо, мрашәа илашо ҳажәлар ирызшоу рыԥсадгьыл ианызааит наунагӡа! Ҽаанбзиала!
🧡 Ахьыуардын шәақәтәа
Ҳныхақәа рдоуҳа цқьа, рдоуҳа џьбара иацырҟьоу ажьиреи ахьиреи рымаа зку, ирыҵагыло, рылԥха-ргәаԥха шәымазааит! Шьашәы – Ахьаҳ Ду, Абжьныха, зҳәа неиуа, зуы ылҵуа дызхылаԥшхәу зегь маншәалаз! Машәыр ҟамлааит аихаԥсыхә, аихалых аҟынтә, шәақьума, еихоума, ҳәызбоума, машьыноума!
Ҳазшаз Анцәа ду дасу шәыжьрацәара дахылаԥшааит, иазирҳааит, ирӷьацааит. Шәахьыҟазаалак имч зҩыда, ибзиара шәахимбааит! Аныҳәа алԥха шәымаз зегьы! Абарақьаҭра шәҭазааит! Мши, насыԥи, хаҳареи аанагааит ҳазҭалаз ашықәс ҿыц!
Уахатәи Ажьырныҳәа амзаҭәымҭа иақәшәеит. Мзашәа икаҷҷо, мрашәа илашо ҳажәлар ирызшоу рыԥсадгьыл ианызааит наунагӡа! Ҽаанбзиала!
Please open Telegram to view this post
VIEW IN TELEGRAM
❤27👍5🥰2
Иахьатәи амш, Ажьырныҳәа адырҩаҽны, Хылаҵа́ра, ма Хлаҵа́н ҳәа иашьҭан анкьа — "день сеяния пуль". Абри аҽны ақыҭа ҷкәынцәа, арԥарацәа иҭҟьо рабџьарқәа аашьҭыхны, иахьшәарҭам џьара ацәҟьара кыдҵаны харантә иеихсуан, ахы ларҵон, иақәшәацыԥхьаӡа рхымҭа иақәныҳәон.
Иара убас, ашьыжь анаашалак шәарыцара иҭыҵуан, ардәына-архьына ԥсылақәа ршьуан, ашәч иалартәаны еимырдон. Аԥсаатә рыԥсы шҭазгьы иҩычаны изышьҭуаз ыҟан, еиҳарак — иргәаԥхоз аԥҳәызба лзы ҳамҭас. Ԥсыуала аҽырбара иахәҭакын, иԥшӡан-ихаан ари аҵас.
Ҳаамҭазгьы Ажьырныҳәа ҽнак ала инҵәаӡом, аҩымш-ахымш раан ауа-аҭахы, агәыла-азла еиҭанеиааиуеит, еибабоит, ҽаанбзиала ҳәа еибырҳәоит. Ашықәс ҿыц раԥхьатәи амшқәа рзы ауаа ирҳәо-ируа ҷыдала иацклаԥшуеит, амшьҭабзиа, алаԥшбзиа рашҭа дҭалар рҭахуп, изакәызаалак хәахәак ҳамхамундаз ҳәа иҟоуп.
Ажьырныҳәа архаикатә шьаҭа иамоу еиқәханы иаауеит. Аритуал ахаҭагьы, адырҩаҽнытәи ақьабзқәагьы ирныԥшуеит ҳжәытә милаҭтә дунеихәаԥшышьа. Иахьагьы аԥсуа қыҭаҿы аҭаацәа реиҳабы зегь раԥхьа дгыланы ашәч, арасамахә, мамзаргьы ахьаца амахә хҵәаны иааганы агәашә, аҩнашә иаиркуеит, абарақьаҭреи аизҳареи иртәуп ҳәа. Убас, аџьықәреи ҿырпи аԥара ҿырпи еилаԥсаны аҩны аҩнуҵҟа, ма ахәыҷқәа ахьышьҭоу ауадаҿы адашьма иқәырԥсоит, "Ахьи араӡни ҷах-ҷах!" рҳәоит. Аригьы аҭаацәа маншәаланы, ргәы бзиа, рхы бзиа, акы иазрыцҳамкәа рыҟалара иазҳәоуп.

❤16👍3
Андерсен илакәк аҿы иуԥылоит аҳ иԥҳа илеиҽырбоз аҷкәын аԥсаатә-шәаҳәаҩы аҟармаҵыс ҳамҭас илзыишьҭуа. Шьоукы рзы хара инаскьахьоу алакә ҳара иаҳлабҿабан ааскьанӡа. Аромантика ҳабацәа рхаан:
"Ахаҵа игәаԥхоз аӡӷаб илзиҭиуан ардәына агәмаркатыл ҟаԥшь аҿыҵакны, ашәшь иалартәаны (ӡынразар). Аҟаԥшь иаҵанакуаз "бзиабарала сшьуп" ҳәа акәын. Лара иара дылгәаԥхозар, лсымҭак изаалҭиуан.
Ардәына ршьӡомызт, аҽҵыхәала иркуан. Ашәшьҵла амахәҭаҿ аҽҵыхәа хәыдхаршәны икнарҳауан, инавакны агәмаркатыл ахьнырҳалан иҟарҵон. Ардәына агәмаркатыл ианацрасуаз ахәыдхаршә ахашәон. Аеҵәа, аҟаԥшь еиларҵон, аҟаԥшь — ҭархаган, аеҵәа аҭынчра иазҳәан".
Витали Ҳараниа ишәҟәы "Жәҩангәашәԥхьара аԥашәқәа" аҟынтә

Ҳаӡынра аԥсы ахазҵо аԥсаатәқәа иреиоуп ардәынақәеи архьынақәеи. Бжьы хаала аҟармаҵыс иамазкуа шәаҳәацәоуп дара, еиҳаракгьы ааԥын ашацкыраз амра ашәаԥшь анаавҵнаго угәы ҟарҵоит. Ҳаԥсабара хкы-хкыла илоуп, рыхәҭак аӡын ара ирхыргоит иҿықә-ҿықәуа, рыхәҭак атәыла…
👍14❤2😍2
🧩 Ажәахырҿиаара
🐴 Аԥы́рцә (грива)
Иззымдыруада ари ажәа? Уи аҟынтә еиҳагьы аинтерес аҵоуп "ишцәажәо" аилкаара.
Иахьатәи алитературатә бызшәаҿы нормас ишьҭыхуп "аԥырцә", аха адиалектқәа рҿы иаҳԥылоит еиҳа ихаҭәаау авариантқәа, абжьыуатәи аҿы — "аԥы́рцәқәа", "аҽаԥы́рцә"; бзыԥтәи аҿы — "аԥры́қәцә", ма "а́бра" ҳәагьы рҳәоит.
Ҳгәанала, ари ажәеилаҵоуп, ҩ-шьаҭак реилаларала иҳауит:
• "аԥыр" + "а́цәқәа" (абжь.);
• "аԥры́" + "а́қәцәа" (бз.).
Урысшәала — "летящая верхушка". Аҷараҳәа цаԥхада иаатыз ашә еиԥш игәылшәома ажәа аҵакы?
Аҽы аныҩуа аԥырцә аԥша иарԥыруеит. Уи адагьы, аҽи аԥырреи еицәтәымӡам ауаҩы иабстракттә хәыцраҿы, еиуеиԥшым ажәларқәа идырҿиаз амифологиаҿы, иаҳгәалаҳаршәап аԥсуа епос иалоу арашь.
"А́бра" (грива) аҳәашьала зынӡа "а́ԥра" (парус) иеиԥшуп, абригьы иҳаҵанаҳәо џьаҳшьоит аҩ-ажәак "аԥырра" ишахылҿиааз. Аҩбагьы ижәытәӡоу еилкаарақәоуп, руак аҽааӡара, арахәааӡара иатәуп, егьи — амшынтә лексика⛵️
▫️ А́нади а́бра ду́хоит (ажәаԥҟа) — у ленивой лошади вырастает длинная грива.
▫️ "Ақәцәа // ацәқәа" ажәагьы ҩбаны еилоуп, уи азакәхап "анаҳәааҳәра" зазымариахаз. Ашьаҭеилаҵара — аморфологиатә ажәахырҿиаара хкы иааидкыланы алҵшәа ду амоуп аԥсшәаҿы. Авариантқәа рырацәарагьы ҳбызшәа иабеиароуп.
#ажәахырҿиаара
🧡 Ахьыуардын шәақәтәа
Иззымдыруада ари ажәа? Уи аҟынтә еиҳагьы аинтерес аҵоуп "ишцәажәо" аилкаара.
Иахьатәи алитературатә бызшәаҿы нормас ишьҭыхуп "аԥырцә", аха адиалектқәа рҿы иаҳԥылоит еиҳа ихаҭәаау авариантқәа, абжьыуатәи аҿы — "аԥы́рцәқәа", "аҽаԥы́рцә"; бзыԥтәи аҿы — "аԥры́қәцә", ма "а́бра" ҳәагьы рҳәоит.
Ҳгәанала, ари ажәеилаҵоуп, ҩ-шьаҭак реилаларала иҳауит:
• "аԥыр" + "а́цәқәа" (абжь.);
• "аԥры́" + "а́қәцәа" (бз.).
Урысшәала — "летящая верхушка". Аҷараҳәа цаԥхада иаатыз ашә еиԥш игәылшәома ажәа аҵакы?
Аҽы аныҩуа аԥырцә аԥша иарԥыруеит. Уи адагьы, аҽи аԥырреи еицәтәымӡам ауаҩы иабстракттә хәыцраҿы, еиуеиԥшым ажәларқәа идырҿиаз амифологиаҿы, иаҳгәалаҳаршәап аԥсуа епос иалоу арашь.
"А́бра" (грива) аҳәашьала зынӡа "а́ԥра" (парус) иеиԥшуп, абригьы иҳаҵанаҳәо џьаҳшьоит аҩ-ажәак "аԥырра" ишахылҿиааз. Аҩбагьы ижәытәӡоу еилкаарақәоуп, руак аҽааӡара, арахәааӡара иатәуп, егьи — амшынтә лексика
▫️ А́нади а́бра ду́хоит (ажәаԥҟа) — у ленивой лошади вырастает длинная грива.
▫️ "Ақәцәа // ацәқәа" ажәагьы ҩбаны еилоуп, уи азакәхап "анаҳәааҳәра" зазымариахаз. Ашьаҭеилаҵара — аморфологиатә ажәахырҿиаара хкы иааидкыланы алҵшәа ду амоуп аԥсшәаҿы. Авариантқәа рырацәарагьы ҳбызшәа иабеиароуп.
#ажәахырҿиаара
Please open Telegram to view this post
VIEW IN TELEGRAM
👍17🔥3❤2
XIX ашәышықәсазы Аԥсны иқәынхоз, типра зуаз, аԥсуа хаҵеи аԥсуа ԥҳәыси рҭеиҭԥшқәа — Шоҭа Сымсым иҭоурыхтә поема "Бзыԥ ақәлацәа" аҟынтә.
Ахаҵа дзеиԥшраз:
"Аҽыуаҩ иааиуаз даара бзиа Бзыԥын ирдыруаз уаҩын,
Ақыҭа иааӡаз Уаҭҳара, даардыруеижьҭеи дынхаҩын.
Чан — ичеиџьыка чара чысын, уын — имхәысҭа еилачы,
Ибаҩ иалшаз акәын усгьы; иҟәына, иҟама, иҟамчы.
Дҽыжәланы дҽырԥа-ҽырԥо, иаԥсуа маҭәа драӡынха,
Ргәы дахәон дызбалакгьы, ауа ақәла, аҭынха.
Ихылаԥарч ақә ргыла, ачаԥқәа алыԥхаауа аш,
Ачыхә џьуџьуа, ишьқьыры-шьқьыруа ибӷа икыдын ихҭырԥаш.
Еиламгыло иҽыз қьоуқьад, аӡы данырхо, еиларшуа,
Алымҳақәа леивга-ҩеивго, ахы иҩахан ԥхьаҟа иԥшуа,
Аӷәра иахо, ахәдагә ырхәан иааины иаақәгылт аҟәара,
Алеиқәаҵәақәа шеишеиуа, ахаԥыц масар еиҟара..."
Аԥҳәыс дзеиԥшраз:
"Дҵараданы дыҟазаргьы, ԥацха хыгьежьаак дыҩна,
Аҳәса ҟәыӷақәа иреиуаз лакәын Блуԥҳа Хамсина.
Ҩыӡа акәшон лыбӷаӡара, насгьы лоурагьы наӡан,
Ишьыцыргон уи ллаӡара, қыҭа нхарала дааӡан.
Лыччабжь бжьыцқьала илхылҵуаз, уаргәырӷьарын иуаҳар,
Лыхцәы жәпа ду иаалыдҳалоз ԥшӡа даҩычон аџьуҳар,
Лыла ҭбаақәа лхаџьуџьуа, лхы-лҿы маҷӡак иаагьежьны,
Лаԥшыхаала данынухәаԥш, уцарц залшом угьежьны.
Амаҵ луазар, цәгьа данаалон ажәлар реицчарақәа рҿы,
Дҽыжәуҵозар — азамана, дацәшәаӡом зынӡак аҽы.
Аимҭахарақәа рҿы ируамызт дыдмырхыскәа уи дбаны,
Иҟан имхысуаз уи лашьҭахь уаҟа ацәҟьара иарбаны..."
📖 Ҩы́ӡа лы́кәшон — ее талию можно было обхватить двумя ладонями
Апоема асиужет ала, арҭ аҩыџьагь (Чаҳәҭала Аибеи Блуԥҳа Хамсинеи) ахҵәарақәа раан ргәы еицҳауа ажәлар ирылан, ԥсыхәа ыҟазар шәыԥсадгьыл аанышәмыжьын ҳәа, убас ақәҵрада даҽа мҩак зымбоз аӡәырҩы дыргьежьит.
Асахьақәа: Баҭал Џьапуа

👍18❤5
Аԥсуа культура иаиуит ацәыӡ. Иӷәӷәамҭа дышҭагылаз идунеи иԥсахит Аԥсны зҽаԥсазтәыз ажурналист Даур Инаԥшьба. Ахаҿы аагара уадаҩуп Аԥсуа телехәаԥшрала уаҳа иҳаҳарым ҳәа ажәабжь ҿыцк ҳазҳәо, ҽа бжьык иаламҩашьо ибжьы.
Даур Инаԥшьба иԥсҭазаара зегьы ажурналистика иазкын. Аибашьра ҟалаанӡагьы Аԥсны имҩаԥысуаз аҭоурыхтә хҭысқәа дрылагылан, дыршаҳаҭын, рыӡбахә еиҭеиҳәон. Аибашьраан арратә корреспондентс аус иуан, акамереи амикрофони абџьарс изкыз дрывагыланы. Ианҵамҭақәа ирныԥшит уи аамҭацәгьа Аԥсны ианнаҵоз ашәахсҭақәа, амца иалагылаз ҳаибашьцәа ргәымшәареи ргәыӷреи.
Ззанааҭ иазҟазаз, ԥсыцқьарыла зус иазнеиуаз ажурналист, ҽынлаз-уахынлаз, цәгьароума-бзиароума Аԥсны акрызҵазкуа хҭыск ахьыҟалаз зегь раԥхьа иубоз аӡә иакәын. 35 шықәса инарзынаԥшуа ҳмилаҭтә тележурналистика амаҵ азиуит. Иџьабаақәа рацәоуп, "Ахьӡ-Аԥша" аорден ианашьоуп. Аԥсуа пресса ахаҭарнакс ҳтәыла анҭыҵ дныҟәахьан, иԥсадгьыл ахаҿра ихаҿран, дахьыҟазаалак гха-ԥхада иуалԥшьа анагӡара дашьҭан, дԥышәан, дхатәран, даамсҭашәан.
Аҵыхәтәантәи аамҭақәа рзы, аҽеиҩшарақәа ҳзышьцылахьоу акеиԥш ианыҟала, шьоукы аныразым шьоукы рзы, иара илшеит зегьы рзы дразны аанхара. Имариаӡам, ус ушамзар. Иқәлацәа рҿы дҩызан, аҿар рзы дԥызан, дгәыбылҩын, дагьиашьан. Иԥсҭазаара далҵит зааӡа, иҿахәы нагӡаны иҳәаанӡа, ииубилеитә шықәса 65 дшырҭаз. (Имширақәа неиҵыхны иазгәеиҭаӡомызт аибашьра ааилгазар, ишьаарҵәырахаз Марттәи ажәылара арыцхә иақәшәон азы). Иуа-иҭахы, иколлегацәа шихьҵәыуо еиԥш дызхьымӡаз иусқәа ихьҵәыуоит иахьа. Гәалсра дууп. Иԥсаҭа лашахааит!

🙏20😢5👍3
Forwarded from Sputnik Аԥсны
This media is not supported in your browser
VIEW IN TELEGRAM
Аԥсуа журналистикаҿы дыҟамзар ҟалап Даур Инаԥшьба иаҟара ахӡыргара иашьҭамыз, аиндаҭлара зламыз, иара изыҳәан аиҳабыра, аҭыԥқәа акгьы аанагаӡомызт, зегь раԥхьа иргылон изанааҭ, абас лколлега дылгәалалыршәоит Аԥсны зҽаԥсазтәыз ажурналист Емма Хоџьааԥҳа.
"Ажурналистика знапы алаку ҳабжьара имаҷзар ҟалап Даур еиԥш зыуаҩреи зыпрофессионализми рыҩаӡарақәа еиваҟәыло иныҟәызгоз. Аԥсышәала ицәажәо ажурналистика арҿиара, нас уи иҭышәынтәалоу ахаҭабзиара аҟынӡа зырҿиарала иназгаз дыруаӡәкуп. Даур есымша иман аҳәатәы, аҳәашьагьы дақәшәон, иара ижурналистика ҭышәынтәалан, ишәан-изан, уи азгьы ателехәаԥшцәа бзиа дырбон. Даур иҩыза арепортиор дыҟаӡам", — лҳәеит Хоџьааԥҳа.
🖇 65 шықәса дшырҭагылаз иԥсҭазаара далҵит Аԥсны зҽаԥсазтәыз ажурналист, арратә корреспондент, аорден "Ахьӡ-аԥша" ахԥатәи аҩаӡара занашьоу Даур Инаԥшьба.
1990 шықәса инаркны Аԥсуа телехәаԥшраҟны аусура далагеит. Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьраан Мраҭашәаратәии Мрагыларатәии афронтқәа рҟны арратә корреспондентс дыҟан. "Агәымшәараз" амедал ианашьан.

👍13💔5
🏘 Аҩни аҩнреи ирыхҳәаау аԥсуа жәаԥҟақәа
• Ахан аиҳа аԥацха агәы ҭбаауп.
• Хатәы ҩны — хатәы мца.
• Аҩны лашәуп — алымҳа амоуп, адәы дагәоуп — аблақәа амоуп.
• Зыҩны аԥҳәыс дақәым, имӡырхагьы лахь ақәашьым.
• Ахәыҷқәа зыҩноу аҩны гәырӷьароуп, изыҩнам — гәырҩароуп.
• Аԥҳәыс гәыкала аҩны даныҟамла, аҩнра ыӡуеит.
• Аҩны — ишуҭаху, тәымџьара — ишырҭаху.
• Аԥсуа аҩн бзиа зиргыло асас изоуп.
• Сас-гәашә ахьҿамыз аҩнаҭа лашьцоуп.
• Уҩныҟа амҩа зегь реиҳа икьаҿуп.
• Зыҩны блыз ахәа деигӡон.
• Абҩатәы ҩны иҩназ абҩатәы ҵәымӷ игхеит.
• Аԥара аҩнаҭа арԥшӡоит, иагьагоит.
• Аӡәы ихан аҵкыс уара уқәацә.
• Ҩ-ҭӡык рыбжьара уак думандаз! (= Ауацәа рацәаҩны иуамазааит)
Ахыҵхырҭа: Оҭар Ӡиӡариа "Аԥсуа бызшәа аргыларатә лексика"; Олег Шамба "Ҭырқәтәылатәи аԥсуаа ражәаԥҟақәа"
#ажәаԥҟақәа

👍16❤5
Аҵыбра (чабер) даҽа хьӡыкгьы амазаап ҳабызшәаҿы — ачахәсхәа (букв.: "зелень для хлебобулочных изделий"). Иссирми!
Ажәар ҳлагәылалан еизаҳгеит иҵегь абас аԥсышәа цқьала ицәажәо асинонимқәа 15. Шәаргьы иацышәҵа:
• Аныҳәарҭа - ашьапкырҭа (ауахәама)
• Ақәра’ - аныхаҳәара (давать клятву)
• Ачалаа - ачаԥыга // аҽбыга (коса “для хлеба”)
• Абаҳа - ажыга - арпыга (лопата)
• Ашымҳаҵыс - амлаӷәыр (иволга)
• Аркьыц - аҵәгәыр (рыболовный крючок)
• Аԥыҭҳәа - абӷацгәы (рысь “горная кошка”)
• Арцыш - аинцәыш (ящерица)
• Аҿшьы - аҷышь - ахыц (смычок)
• Аҵәры - ахьамуам (яловый)
• Ажьҵәры // ажьынҵәры - абгарыжь (черника кавказская)
• Аҟәылбыш - ахәыл (кольраби)
• Аччиаԥш - аҩсҭааиԥш //аҩсҭааџьықәреи (сорт мелкой желтой кукурузы)
• Алаԥыџь - алахәыц (ресницы)
• Аҩнеихаса - аҩнеихаҟәа (бревенчатый дом)
#асинонимқәа
Асахьаҿы: аџьықәреирҭа

👍18❤6🤗2
Даниуа зегь иеигәырӷьоит ауаҩы,
Аԥсабара иаԥхьа ихырхәоит асаара.
Аха ирзырҳәахьоузеи нас шаҟаҩы:
Дмиӡар еиӷьын ҳәа хара?
Мап!
Ауаҩы дыҟанаҵ мрашәа дыԥхалароуп,
Амреиԥш ихы-иҿы, игәы цқьаӡа,
Даныԥсуаҵәҟьагьы, иԥсы мраҵас иҭашәароуп,
Жәлар ргәаҿы дынхартә длашаӡа!
Алықьса Лашәриа
Афото: Џьумбер Аҩӡба
🧡 Ахьыуардын шәақәтәа
Аԥсабара иаԥхьа ихырхәоит асаара.
Аха ирзырҳәахьоузеи нас шаҟаҩы:
Дмиӡар еиӷьын ҳәа хара?
Мап!
Ауаҩы дыҟанаҵ мрашәа дыԥхалароуп,
Амреиԥш ихы-иҿы, игәы цқьаӡа,
Даныԥсуаҵәҟьагьы, иԥсы мраҵас иҭашәароуп,
Жәлар ргәаҿы дынхартә длашаӡа!
Алықьса Лашәриа
Афото: Џьумбер Аҩӡба
Please open Telegram to view this post
VIEW IN TELEGRAM
5❤15😢11👍5
"А́мсатә ҟы́га — жьыхәҭа́ карко́у".
Иркәараҵаны иҳәоу ари ацуфара иаҵаҵәахуп зегь еицырдыруа аԥсаатәаҵларкәыкә . Азныказы аҭак аҟаҵара уадаҩушәа угәы иабоит, аха имариоуп, ажәақәа зегьы рҵакы еилукаауазар.
Аҟы́га // аҭҟа́га — мыругоуп (долото), акарко́у — зцәеи зымҿыши зхабахьоу, иҩахьоу аҵла агәаԥшь (затверделая древесина), арацәарцаразы рхы иадырхәон. "Амсеи" "ажьыхәҭеи" ззеиҭагатәу ара аӡәгьы дыҟам. Шаҟа еилацаланы, иԥшӡаркны иҭыхузеи аԥсаатә асахьа!
Аҟыга иеиԥшу аԥыц ҵарыхәҵәала иаасуа, аҵла аркәыкәуеит аҵларкәыкә! Уи агәы иаӷраланы иҭызфаауа ахәыршқәа ԥшааны иафоит. Аԥсабаразы ихәарҭоуп. Аҵла иахьадтәалоу ашьапхыцқәа аларԥсны иакуеит, ҵыргәас иамоуп аҵыхәа кьакьагьы. Аашар хәлаанӡа ҟыгә-ҟыгә амшуп. Бжеиҳан аҵла кылҵәаноуп аҭрагьы шыҟанаҵо.
Аҵларкәыкә абажә ианамысуа ахы ахьуеит рҳәоит, абас ааԥсарада аус иахьаҿу азы. Абажә ианамысуагьы ыҟоуп — уи аӡынразоуп, усҟан аԥсаӷь жәлақәа гәылхны ирфоит ҵларкәыкәқәак, аҵла еиҩшьара ибжьаҵаны. Аԥсны иуԥыло аҵларкәыкәқәа зегьы Ашәҟәы ҟаԥшь иануп, реишәарыцара ҟалаӡом.
Аҵларкәы́кә ӷраду́ — большой пёстрый дятел
Аҵларкәы́кә ӷрахәҷы́ — малый пёстрый дятел
Аҵларкәы́кә еиқәаҵәа́; акьаркьа́л — желна
Аҵларкәы́кә иаҵәа́ — зеленый дятел
#аԥсаатәқәа #ацуфарақәа
📖 Аҟы́га — бзыԥтәи адиалект аҿы "трамбовка" аанагоит, "долото" азы иара убас ацәымҟа́, ма агәымжьа́ҵә рҳәоит; аиқәҟы́га — пресс.
🧡 Ахьыуардын шәақәтәа
Иркәараҵаны иҳәоу ари ацуфара иаҵаҵәахуп зегь еицырдыруа аԥсаатә

👍17❤4