Ахьыуардын
1.26K subscribers
1.39K photos
222 videos
1.67K links
Ахьыуардын — аԥсуа бызшәеи, аҭоурыхи, акультуреи ирызку апроект ҷыда. Напбзиа-шьапбзиа ахьыуардын дақәтәоуп. Шәҳацла: ахьы хәыҷуп, аха шәкы ицоит, аӡә дышәҩыкны дҳаԥхьаӡоит.
Download Telegram
Иахьа ицқьаны шәышықәса ҵуеит зыхьӡ нагоу, зыхьӡ ӡыргоу аԥсуа ҵарауаҩ Арвелод Кәыпраа диижьҭеи.

Аҭоурыхтә ҭҵаарадыррақәа рдоктор, апрофессор, академик, 65 шықәса инареиҳаны аҭҵаарадырра иазааԥсаз, зқьыбжак инарзынаԥшуа аусумҭа ҭзыжьыз (макьанагьы иҭыжьым рацәоуп), "Ахьӡ-Аԥша" аорден II аҩаӡара занашьоу.

Диит Река ақыҭан жьҭаара 14, 1924 шықәсазы унеишь-уааишь ҳәа зарҳәоз, ажәлар рҿы пату зқәыз ажәа азҟаза Ерасҭа Кәыпраа иҭаацәараҿы. Уи I Адунеизегьтәи аибашьра далахәын, ашьҭахь Аԥсны змырӷьацоз ақырҭуа меншевикцәа дырҿагылан. Арвелод Кәыпраа ихаҭагьы дышқәыԥшыз Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду ихьӡеит, уи аибашьра даветеранын, аџьшьаратә ҳамҭақәа ианашьоуп, "Кавказ ахьчаразы" амедал уахь иналаҵаны.

Аҭҵаарадырраҿы иџьабаа зларацәоу ала, ихадароу ҩ-етапкны еихыршоит: 1980-тәи ашықәсқәа рҟынӡа асовет аамҭазтәи Аԥсны аҭоурых ҭиҵаауан (асоциалтә-економикатә ҿиашьа, аграртә политика), анаҩс хықәкыла аԥсуа милаҭ культура азҵаарақәа дрызхьаԥшуа далагеит, аԥсуара, аҵасқәа, ажәлақәа ирызкны еиуеиԥшым аусумҭақәа аԥиҵеит. Аԥсуара азҵаарақәа ирызку имонографиа 2009 шықәсазы Гьаргь Ӡиӡариа ихьӡ зху аҳәынҭқарратә премиа иаԥсахеит.

Арвелод Кәыпраа иусумҭақәа рҵакы анаҩсгьы рыхә ҳаракны изыршьо уи ауп, иара ихы иаирхәоз архивқәа реиҳарак аибашьраан иблит, уиижьҭеи уаҩы иԥыхьашәаӡом. Иара ианакәызаалак хәыц-хәыц архивқәа аус рыдиулон — хыԥхьаӡара рацәала акрызҵазкуа аматериалқәа ԥшааны аԥхьаҩцәа ирыдигалеит, наунагӡа аҭоурых иазынижьит.

Даара акыр илшеит аҭҵаарыдарратә биографистика ахырхарҭа аҟынгьы. Аҵарауаа дуқәа, арккаҩцәа, амилаҭ-хақәиҭратә қәԥара алахәцәа, иналукааша аҳәынҭқарратә, ауаажәларратә усзуҩцәа аӡәырҩы рнысымҩақәа ҭҵааны ашәҟәы ианиҵеит.

Шықәсырацәала анаукеи арҵаҩреи еилаигӡон, Аԥсуа университет аҟны Аҭоурыхи, археологиеи, аетнологиеи ркафедра деиҳабын. Иааӡамҭацәа 20-ҩык инареиҳаны акандидаттә диссертациақәа дирхьчеит. Аԥсны аҭоурых арҵага шәҟәқәа реиқәыршәаҩцәа дыруаӡәкуп.

Арвелод Кәыпраа 95 шықәса ниҵит. Иԥсы ахьынӡаҭаз зус иазиашаз ҵарауаҩын, хырхарҭас ишьҭихлакгьы ажәлар рҿахәы зҳәо, рыхдырра аззырҳауа аҵабырг аарԥшра дашьҭан. Ҳҭоурых егьырҭ ажәларқәа рҭоурых иаламҩашьартә еиԥш азнагашьа дақәшәон, еснагь ахьчара дазхиан. Ибзоура рацәоуп ҳзакәу, ҳзызку адунеи иабартә аҟаҵараҿы. Илагала ԥсра-ӡра ақәым. Иԥсаҭа лашазааит!

🧡 Ахьыуардын шәақәтәа
Please open Telegram to view this post
VIEW IN TELEGRAM
👍174🎉1
Иҟоуп ашәа, иҟоуп ашәахә; иҟоуп ажәа, иҟоуп ажәахә; иҟоуп амца, иҟоуп амцахә. Еиҩыргозеи? Ҳахәаԥшып.

Ажәахырҿиааратә елемент -хә иалкаау хьыӡҟақәак ирыцланы рҵакы арҭбаауеит, игәылнаршәоит, ма аҵак ҷыда рнаҭоит. Иаауеит иара "ахәы" / "ахәҭа" аҟынтә (доля / часть, аурысшәаҿгьы исинонимқәоуп), аԥсшәаҿы арҭ аҩ-ажәак зынӡа еизааигәоуп, шьагәыҭк рымоуп, ианеибаԥсахуагьы ҟалоит.

Иаагап, "Бзиарас иҟоу зегьы ухәҭа алашазааит!" ахаҭыԥан "ухәы алашазааит" ҳҳәар, аныҳәаԥхьыӡ аҵакы еицакуам. Аԥсуаа рдунеихәаԥшышьала, исхәу — исыхәҭоу ауп (то, что положено мне). "Ухәы амх" = ухәҭа га; "Уа(ра) иухәуп!" = Уара иухәҭоуп, уахыбаамзааит; "Ҳаилахәуп" = ҳахәҭақәа еилоуп.

Уажәшьҭа аҿырԥштәқәа:

🟠 А́шәахә - "доля песни", песня во славу героя ("Храцыԥхьаӡа зашәахә кыду", Иашәахә неиҩуеит хараӡа")

🟠 А́жәахә - "доля слова", доклад

🟠 А́мцахә - "доля огня", огонь отдельного рода ("Умцахә мыцәааит!")

🟠 Аны́хахә - "доля святыни"; "часть святыни"

🟠 А́еҵәахә - "доля звезды", звезда на каждого живого человека ("Сыеҵәахә кыдуп, сызҭаху, исҭаху рыеҵәахә кыдуп!")

🟠 А́бахә - "доля отца", наследие предков; Отчизна ("Сабахә ахьыҟоу ароуп")

🟠 А́насыԥхә - "доля счастья", личное счастье; человек, предназначенный судьбой ("Инасыԥхә диԥшааит")

🟠 Ачы́схә - "доля еды", пища, которую ты можешь принять, ("сара исчысхәым"эта еда не для меня)

🟠 Аҿаҵахәы - доля; удел, участь ("Абга иаҿаҵахәхеит")

🟠 Ацәашьхәы - "доля свечи", свеча для моления (Ацәашьхәы икупдныҳәоит)

🟠 Анцәахәы - "доля бога", божество

🟠 Анцәамуы́схә - "доля божьего дела", божий промысел

#ажәарыԥхрақәа #ажәахырҿиаара

▫️ Арҭ ирыларҩашьатәым ахаҭашьатә ҟазшьарбақәа ирыцло асуффикс -хә (абзиахә, ацәгьахә, ахамшҭыхә уҳәа), уи араҟа асемантика арӷәӷәаразоуп изыҟоу.

🧡 Ахьыуардын шәақәтәа
Please open Telegram to view this post
VIEW IN TELEGRAM
👍22❤‍🔥5🏆2😁1
Ахҵәара ҟалаанӡа Бӷажәаа рыжәла Арыдлар инхон. Ари арыцҳара ду анҵысы иҭнацеит, реиҳарак амшын нырцә иқәнагалеит, иаанхаз Нхыҵҟа рхы ргеит, урҭ иахьа Бгажноков ҳәа ашәҟәы иануп.

Аамҭақәак рышьҭахь ҩыџьа аишьцәа, Шьааби Шьаадаҭи, рыԥшра-рсахьа убла хнакуа, шьоурак аҵыхәала ашьха ихыҵны Аԥсныҟа иааит. Тҟәарчал азааигәара Аалӡга ахықәан анхарҭа ҭыԥ риҭеит дара рыуаҩышьеи рнаалашьеи згәаԥхаз аҭауд Ӡаԥшь-иԥа.

Аишьцәа нхеит-инҵит, аҭаацәарақәа аԥырҵеит, рхы-рыхшара, рыуа-рҭахы ҟалеит, рнеи-ааи ҭбаахеит, иуаа нагақәаны ажәлар ирылагылеит.

Шьаадаҭ ԥшьҩык аԥацәа ихылҵит, иԥацәа руаӡәк — Едгьы зыхьӡыз — дихылҵит зыԥсы шҭаз ашәа зхырҳәааз жәлар рфырхаҵа Салуман Бӷажәба. Сибра аҭакра ааӡаб ихганы Аԥсныҟа иааз Салуман иҭаацәараҿы 1914 шықәсазы диит заԥхьаҟа иҵарауаҩ духараны иҟаз аҵеи лаша — Хәыхәыт Бӷажәба. Диижьҭеи сынтәа, ҳазҭоу амза 15 рзы 110 шықәса ҵит.

Хәыхәыт Бӷажәба афилологиатә ҭҵаарадыррақәа рдоктор, академик, иналукааша абызшәадырҩы, афольклорҭҵааҩ, алитератураҭҵааҩ (аԥсуа литературатә критика ашьаҭаркҩы), ашәҟәыҩҩы, аиҭагаҩ, арҵаҩы, аҳәынҭқарратә, ауаажәларратә усзуҩ, XX ашәышықәса актәи азбжазы аԥсуаҭҵаара ашьақәгылара зыхәҭаа ду алоу дыруаӡәкуп.

Иҭижьит 200 инареиҳаны аҭҵаарадырратә усумҭақәа, урҭ рахьтә 12 монографиа (аԥсуа бызшәа бзыԥтәи адиалект монографиала иҭызҵааз иоуп). Иусура хациркит аԥсуаа рыхәаҽра ианаҿыз, амилаҭ рҿахәы зҳәоз арҿиареи аҭҵаареи аншәарҭаз 1930-тәи ашықәсқәа рзы. Дшыхәыҷыз инаркны иԥсы ахьынӡаҭаз зхатәы бызшәа иазҿлымҳаз, ианызҵоз, аԥсуа шәҟәқәеи ашәҟәыҩҩцәеи ирыхцәажәоз, иагьӡырызгоз уаҩын. Ауадаҩрақәа зцыз аԥсҭазааратә мҩа данысит аамысҭашәала, гәыцқьарыла, ижәлар рзы ишьаҭамырӡгоу аџьабаа баны.

Хәыхәт Бӷажәба изку, баҟак иаҩсуа ашәҟәы бзиаӡа иҩхьеит Руслан Қапба, Аԥснытека иҭоуп абра>>

Аҵарауаҩ изку аочерк шәаԥхьар шәылшоит
Sputnik Аԥсны асаит аҟынгьы>>

🧡 Ахьыуардын шәақәтәа
Please open Telegram to view this post
VIEW IN TELEGRAM
👍214
Ахьыуардын
📌 Ажәа бзиоуп Аҿа́мш — счастливый новый урожай ◊ Ҿамш ҭаугалааит! — Да будет новый урожай счастливым! Иссиру, иԥшӡоу аԥсуа ажәа. Асахьркыратә литератураҿы иаҳԥылеит збызшәа аӡыхь еиԥш ицқьоу Баграт Шьынқәбеи Инна Ҳашԥҳаи ражәеинраалақәа рҿы. Ҿырԥшыс…
This media is not supported in your browser
VIEW IN TELEGRAM
АҾАМАҾА

Џьынџьыхәақәак уреиҩаӡа,
Иухакнаҳауп дара, абан!
Аҿамаҿа – аџьықәреи аӡа,
Аҿамаҿа – афырџьан!

Аҿамаҿа – акакан рыцқәа,
Ашларҟәындагь уажәааны!
Аԥҳәыс – аҳкәажә лыкәтаршыцқәа,
Ак ырҟаԥшьны, ҽакы жәны.

Маҿа-маҿа, еиҭа шьаҿа,
Уа, ҭагалан гәазҳара!
Аҿамаҿа, аҿамаҿа!
Ҽааныбзиала, Аԥсынра!

Рушьбеи Смыр

🧡 Ахьыуардын шәақәтәа
Please open Telegram to view this post
VIEW IN TELEGRAM
👍195
This media is not supported in your browser
VIEW IN TELEGRAM
Ауадҳара иахьа ажәҩан-лыхәҭа ахакын. Асҿыц ауит, ҽаанбзиала! ❄️❄️❄️

Ашәарыцацәа ршәақьқәа аныкнырхша аамҭагьы шьҭа ихарам.

Ашәарацыратә бызшәала асы ишашьҭоу жәдыруазар? Аҭак: "ашкәакәа"

Асахьаныҟәа: асоциалтә ҳақәа рҟынтә

🧡 Ахьыуардын шәақәтәа
Please open Telegram to view this post
VIEW IN TELEGRAM
👍209😍3
"Иахьа аӷа хәымга Аԥсны аццышәтәра даҿуп. Иишьуагьы ауаа рымацара ракәӡам. Ибылуеит ҳҭоурыхтә ԥшьа ҭыԥқәа: ҳархив, ҳаинститут, ҳауниверситет, ҳарҿиаратә ҩны… Сара схаҭа ҩынҩажәа шықәса иаԥысҵоз снапҩымҭақәа ҩажәа папка инареиҳаны зегьы блуп".


Платон Бебиа аибашьраантәи игәалашәарақәа рҟынтә

Жьҭаара 22, 1992 шықәсазы ақырҭуа мпыҵахалаҩцәа Аԥсуаҭҵааратә институти Аҳәынҭқарратә архив ахыбреи рыблит. Дара ирҭахын ҳҭоурых ццышәыртәыр, ҳдырра ҳамырхыр, ахаан адунеи ҳанымызшәа мца қьоуқьадла ашәҟәы ҳанырхыр. Аха Анцәа ирыцимҳәеит, иалымҵит. Аиаша амца иақәуҵаргьы ибылуам.

Ари ацәгьоура милаҭеилых ҟамҵакәа ауаатәыҩса зегьы ааха рызҭаз культуратә геноцидын, ус иагьаанхоит. Егьа ашықәс царгьы, хҿыхшьа змам гәнаҳароуп, адунеи жәларбжьара ақәыӡбар ахәҭоуп.

Архив афондқәа 673 рҟны иҵәахын иааидкыланы 176 343 шәҟәы, (иблит 160 нызқь – 90% инареиҳаны). Арҭ адокументқәа 1810-1980 шықәсақәа ирыҵаркуан. Иҟан аизгақәа рҿы акьыԥхь збақәахьаз, насгьы зфотохҩылаа еиқәхаз аматериалқәа, аха урҭ ацәыӡ нагӡаны ирызхарҭәаауам. Амца иалаблит иара убас аԥсуа ҵарауаа дуқәа Михаил Ҭраԥшь, Шьалуа Инал-иԥа, Гьаргь Ӡиӡариа, Иван Аџьынџьал, Царбеи Бжьаниа уҳәа егьырҭ шықәсырацәала еидыркылоз, хәы змаӡамыз рхатә фондқәа.

Ишырҳәо ала, ақырҭқәа ирҭахын аԥсуа театргьы, аҳәынҭқарратә музеигьы рблыр, аха дара аиааира ргоит ҳәа агәра ганы иҟан, уи азы иаламкьысит...

🧡 Ахьыуардын шәақәтәа
Please open Telegram to view this post
VIEW IN TELEGRAM
👍85
ХАРАК ЗЫДӠАМ УОУП, АԤСНЫ!

Харак зыдӡам уоуп, Аԥсны,
Ус ауп, дшаҳаҭуп Анцәа!
Аха уҭадырхарц ӡбаны,
Шьыжьык иужәлеит ашьцәа.

"…Мап, аԥсуа иаҭәам Аԥсны,
Избанда ибеиоуп, иԥшӡоуп!" –

Дхысуеит абасгьы ҳәаны,
Имҩа зегь шьала ибааӡоуп.

"…Аԥсуа ҳәа дыҟам аӡәгьы,
Иамазкыз иакәхоит ишьтәу!
Ус ауп, иахьагьы уаҵәгьы,
Аԥсны ҳара ҳауп изтәу!" –


Дхысуеит абасгьы ҳәаны,
Даауеит дзықәшәо зегь былуа.
Ан дкажьуп лгәы ҵыблааны,
Рыҵәаабжь гоит ахәыҷқәа!

"…Ҳарҭ ҳауп зҭоурых ду наскьоу,
Шәарҭ ҳаԥык шәаман шәҵәахны!"

Бзарбзануп амцабз зыхҟьо,
Хәыҷбаҳчак ццышәхеит аҽны.

"…Иҳаиӷьу дыҟам, дҟалом,
Кавказ ақырҭуа изшоуп!" –

Дхысуеит, амҩа хәашь ибом,
Ҳархив ыҟам, ирхәашоуп.

Сишь, аҽхәаԥхьыӡ казыршуаз
Дабацои ас дыҭҟьаны?
Икыдшәеит амра икашуаз,
Адгьыл иҿагылт иааҳәны!

Ашьҩы шьҭахьҟа дыццакуан,
Иабџьар шкаижьыз иӡон.
Аԥснытә инеигоз аҷан
Деигәырӷьан хынтә иԥхьаӡон.

Баграт Шьынқәба
5.10.1993
Нальчик


🧡 Ахьыуардын шәақәтәа
Please open Telegram to view this post
VIEW IN TELEGRAM
Please open Telegram to view this post
VIEW IN TELEGRAM
👍162
ХХ ашәышықәсазы Аԥсны знысыз аҭоурых иаҳнарбеит ҳажәлар зҭагылаз аамҭа цәгьақәа риааираҿы аинтеллигенциа аҭыԥ дуӡӡа шааннакылоз. Згәы былуаз аинтеллигенциа роуп ажәлар зырҿыхоз, Кавказ нхыҵ-аахыҵ еидызкылаз, ҳаӡҩара иаҿагылоз асаламшәҟәқәа зыҩуаз, "Аидгылара" еиҿызкааз, адиаспореи ҳареи ҳабжьара ацҳақәа хызҵаз, аиҭанеиааирақәа аԥшьызгаз...

Убарҭ рыбжьарагьы иалкаау, еснагь илашо, абираҟ еиԥш иҳаракны ажәлар ишьҭырхыз ахьӡқәа ыҟоуп. Ус иҟоу иреиуоуп, ҳәарада, Ҭамареи Екатеринеи Шьаҟрылԥҳацәа рыхьӡқәа. Дара раб — арккаҩ ду Платон Шьаҟрыл Аԥсназы ииҭахыз амҩа, алашьцарахьтә алашарахь акылгара хықәкыс измаз, иацырҵеит, иагьдырҭбааит шәарак, хьаҵрак ҟамҵакәа.

Иҳаҩсыз ашәышықәса аҽеиҩшамҭазы, ишқәыԥшӡаз иангылеит ахақәиҭрамҩа. Ажәлар рымшхәыбзазара хақәиҭрада ишзалымшо рҳәеит рыбжьы ҭыганы. Ақырҭуатәра аполитика амҩаԥгацәа аҟамзаара ахықә аҿы ҳашнарцалаз шьақәдырӷәӷәеит акы-ҩба ҳәа. Аԥсны ахы-аҵыхәа иахыҵәеит, анҭыҵгьы еимнадеит ргәымшәара, рыгәаӷь аԥша. Зхазы акгьы иашьҭамыз, змилаҭ рзы зхы иамеигӡоз. Аҩыџьагьы занааҭс иалырхит абызшәадырра. Ари асахьаҿы раб иашьа — аԥсуа бызшәадырҩы, кавказҭҵааҩ нага Константин Шьаҟрыл ивагылоуп наҟ-ааҟ. Зыжәлар рҵеира иаԥсахаз лхаа ахьӡырҳәагақәа.

Арҵаҩы, аҵарауаҩ, аиҭагаҩ Екатерина Шьаҟрыл диижьҭеи шәышықәса ҵит жьҭаара 23 рзы. Лыԥсҭазаареи лааԥсарақәеи ирызку аочерк шәаԥхьар шәылшоит абра>>

🧡 Ахьыуардын шәақәтәа
Please open Telegram to view this post
VIEW IN TELEGRAM
👍175
Аԥсуа ицәажәарагьы ныҳәароуп.

Ари ажәаԥҟа ануаҳауа иаразнак ухаҿы иааиуеит ҳаԥсшәеибыҳәашьақәа. Дара зегьы ныҳәаԥхьыӡуп, хкы рацәала иҟоуп. Уажә ҳазҭагылоу ҽаҩраҭагалан барақьаҭ лымкаала "Радеда" абжьы ахыҩуеит аҟынтә, еиҭаҳгәалаҳаршәап ачараҿы аԥсшәеибыҳәашьақәа иҟоу.

Аԥсуа чара иԥшӡоу, ихаау ахатә етикет ацуп, иара амҩаԥгашьа аамҭа иацныҟәаны аҽшарҿыцуагьы, агәыцә ԥсахра ақәымкәа иаауеит. Агәыцә ахь иаҵанакуеит аԥсшәеибыҳәарагьы. Иахьа ҳгәырӷьара ауаа рацәа еизнагоит, асасцәа еибадыруа ишаабац ала аԥсшәақәа еибырҳәоит, аха аԥшәмацәа иреиуоу баша иаагәыдкыланы урывсыр иашам, урыдныҳәалароуп.

Аҿар иҳаԥхьо џьара ирыхәап ишьақәгылахьоу абарҭ азеиӷьшьарақәа:

🟠 Ҭацамш даажәгааит!
🟠 Чарамш жәуааит!
🟠 Шьапымшыла шәыҩнаҭа дыҩнанагалааит!
🟠 Дышәҩыкхааит!
🟠 Шәрықәгәырӷьааит!
🟠 Еидымшылахааит!
🟠 Амреи амзеи реиԥш еигымзааит/еидажәлааит!
🟠 Шәзыргәырӷьаша Анцәа ишәзааигалааит!

Ари зарҳәаз аԥшәмагьы "Абзиара шәақәшәааит!" ҳәа дныҳәоит аҭакс.

👰🏻‍♀️ Аҭаца лҿы инеины дызбо иларҳәоит: "Бахьааз бадымшылахааит!"

Ачара аҟынтә асасцәа аҩныҟа рцамҭазы ҩаԥхьа аԥшәмацәа иаарыдгыланы ирҳәар бзиоуп игәыҟаҵагоу ажәа ҟәандақәа:

🟠 "Еснагь абзиаразы ҳашәзааилааит!"
🟠 "Шәашҭаҿы абзиара ҟало Анцәа иҳәааит!"
🟠 "Аизҳара, аҿиара шәымазааит!"

Аҭак: "Иҭабуп! Абзиаразы ҳшәызнеилааит"; "Ҳаргьы убас абзиаразы ҳшәыхьӡалааит!"

Аԥсуа чара еиднакылоит анасыԥ ҿыц аира иацгәырӷьо ауаа. Ргәырӷьара аадырԥшуеит шәаҳәарыла, кәашарыла, иара убас — ажәала. Зегьы ачча рҿықәуп, ражәа гәамҵхамҵрак алам, излацәажәо гәырӷьа жәабжьуп; алаф, ақьаф (аха инамыцхәымкәа). Аҵәца шьҭыхны иныҳәогьы ҷыдала рныҳәашьа иацклаԥшны ажәаҳәаратә ҟазара ирылоу зегь аадырԥшуеит.

Ачараҿы агәаҵәа зку иныҳәара ажәақәа ҿырԥшыс иаагоуп абра>>

🧡 Ахьыуардын шәақәтәа
Please open Telegram to view this post
VIEW IN TELEGRAM
👍245
Абызшәақәа рыҿиареи раныӡаареи ҭызҵаауа аҵарауаа аинтерес зҵоу азгәаҭа ҟарҵеит. Африка иахьаҵанакуа џьара аамҭа кьаҿк иалагӡаны абызшәақәа рацәаны ианеиԥхьба, еицырзеиԥшу ҷыдарак ыҟазар ҳәа игәарҭан, ирбеит реиҳарак грамматикала иҟалаша аамҭа шрымамыз. Иџьашьатәуп, аха абызшәа иалацәажәоз, иалахәыцуаз уи рҭахны иҟамлаӡеит, ирҭаххартә аҟынӡа изымҿиаӡеит.

Ҳәарада, ари апроблемаҿы зегь раԥхьаӡа игылоуп асоциалтә мзызқәа. Аха ус шакәугьы, абызшәа аԥеиԥш амоу-иамаму зны-зынла иара ахаҭагьы ҩнуҵҟала иуҵанаҳәар алшоит.

Аԥсуа бызшәа аԥеиԥш амоуп! Иҟалаша аамҭақәа ҩба амоуп, уажәтәи аамҭагьы иҟалаша аҵакала ҳхы иаҳархәоит. Аха уи акәым уажәы аус злоу... Азқьышықәсақәа иргәылсны иааит ҳара ҳҟынӡа аӡыхь еиԥш ицқьаӡа, ахьырҵәаҵәеиԥш икәалыкәаџьо, ԥсаатәҵас амҵәыжәҩақәа аманы иԥыруа. Ҳҳаразкуа, ҳашьҭызхуа иароуп. Жәларыкны ҳҟазҵаз иароуп. Ҳадгьыл ҳазқәынхо ԥсыс иахоуп. Ҳзыхьчогьы, ҳазмырӡуагьы иароуп — абри зегьы еилаҳкаауазароуп.

Абыда аԥа дҟалом шырҳәо еиԥш, бызшәадагьы амилаҭ зыҟалом. Ҳхы иагҳмырхап, адунеигьы иагҳмырхап аԥсшәеиԥш здаҟам амал анҳаҭәашьаха. Аԥсуа бызшәа иамшзааит есымша! 🙏🏻

🧡 Ахьыуардын шәақәтәа
Please open Telegram to view this post
VIEW IN TELEGRAM
❤‍🔥20🔥5
Иарбан бызшәазаалак иара зҳәо раасҭа ахыҵуеит, ус анакәха изҳәо раасҭа иҟәышуп. Абызшәа ахаҭа, ус иаԥуп. Аԥсы ҭоуп иаргьы, ауаатәыҩса знысыз аҭоурых зегь ҭанагӡоит, реилкаара ахьынӡаҟоу иҵаулоуп. Аԥсшәа, ишдыру еиԥш, иахьазы зыԥсы ҭоу ижәытәӡатәиу абызшәақәа рахь иаҵанакуеит. Еиҿкаауп, иманшәалоуп, ибеиоуп.

Абра еизаҳгеит ҳабацәа рхәыцшьа, рыхшыҩ ҵар зныԥшуа ажәаԥҟақәак. Рынҵәамҭақәа ҵәахуп, аха имарианы инаугӡоит. Игәашәҭа:

• Хьы жьакцом, хшыҩ бжьысуам.

• Ахьча изы алабашьа арӷьажәҩоуп.

• Ачуан ду аӷьӷьарагьы дууп.

• Ҭынч иныҟәо дцоит.

• Агаӡа уиабжьар дуаӷахоит.

• Ауаҩы дызшьыз ихгьы ишьит.

• Сгәаҵәа рԥҳазар исычҳарын.

• Еснагь иццакуа — ажьоуп.

• Аӡеи аҩеи еидӷьалауам.

• Амчра аҩадагьы ицәаӷәоит.

#ажәаԥҟақәа

🧡 Ахьыуардын шәақәтәа
Please open Telegram to view this post
VIEW IN TELEGRAM
👍25
Ахьыуардын
Аԥсуа-адыга жәларқәа рҿы ҭоурыхла иаауа ахьӡшьара иаҳараку патуқәҵаран, аҭаацәа рыҩнуҵҟа илыԥшааху ауаҩытәыҩсатә еизыҟазаашьақәа шаԥыз аршаҳаҭуеит. Зыхьӡ ушьо зегь раасҭа иузааигәоу, угәы ззыбылуа, ма узыцәшәо ауп. Ахьӡшьара зыбжьаз хаҵеи ԥҳәыси мацара ракәым…
Наԥҳа Кьагәа ианаӡӡеи лхәыҷқәа ӡаны Нхыҵҟа ианырга, ақәылацәа дрыхьӡаны ирымихит, аха дара уи ргәы иамыхәеит, "ҳаиҭеиқәшәахра ҳаҟоуп" рҳәеит.

Ус ишианармыжьуаз аҟара идыруан Кьагәагьы, абас иҳәеит ицамҭазы: "Убра сқыҭаҿы [қәылара] шәаннеиуа, сылагаҩ даашәымган. Сылагаҩ данаажәга, сшәыргәаауеит!"

Дарбан "сы́лагаҩ" ҳәа зыӡбахә имаз афырхаҵа?

Аҭак:

Афырхаҵа ас дзышьҭоу иԥҳәыс лоуп. Ажәытә, аӡлагарақәа ҟалаанӡа, анапыла-алуқәа рыла илагон, акыр ихьанҭаз ари аус зыԥхықәыз аҩны иҟоу аԥҳәыс лакәын. Аԥсуаа аҭаацәараҿы даара иацклаԥшны ахьӡшьара ныҟәыргон, уи моу иахьагьы рхы анеиҭарҳәо рацәак рыбзаҿ иааиуам ажәақәа "сыԥҳәыс", "схаҵа", "санхәа", "сабхәа". Ԥсыуала ирԥшӡаны, ирхааны даҽа ҳәашьак арҭоит. Ари аԥхашьареи апатуқәҵареи ирызҳәоуп, иаҳараку ауаҩытәыҩсатә еизыҟазаашьақәа ирдыргоуп.

Афото: Алина Ачԥҳа

🧡 Ахьыуардын шәақәтәа
Please open Telegram to view this post
VIEW IN TELEGRAM
👍224🤯1
"Адгьыли ажәҩани аныҟамыз,
Уара уҟан, иа Анцәа!
Амреи амзеи аныҟамыз,
Уара уҟан, иа Анцәа!
Аҵиааи амцеи аныҟамыз
Уара уҟан, иа Анцәа!
Ашәаԥыџьаԥ аныҟамыз,
Уара уҟан, иа Анцәа!.."


🙏🏻 Аԥсуа ибжьи ицәаҩеи зху, ибызшәала ирҿиаз, идунеихәаԥшышьа зныԥшуа ажәа лыԥшаахқәа рахь иаҵанакуеит Анцәа ду изкны ииҳәо абарҭ ажәақәа:

• Ҳазшаз
• Ҳшамкәа ҳазшаз

• Иаҳзымдыркәа ҳаздырыз
• Ҳаиҳа зымчу
• Зегь зымчу
• Иаҳхылаԥшхәу
• Аԥшырҭа иқәтәоу
• Хыхь иҟоу
• Зылԥха ҳаура
• Зхьышьаргәыҵа ҳакәыхшоу


🧡 Ахьыуардын шәақәтәа
Please open Telegram to view this post
VIEW IN TELEGRAM
18👍7🙏5
Зыԥҳәысаагара аамҭа ааиз хҩык аишьцәа, раб иҳәатәы нагӡауа, рашҭа ҭбаа иҩықәгыланы, рхыцқәа ааиҵырхын, иеибарԥшны ихысит, нас дасу ихҿа ахьынкашәаз ԥҳәысҳәара рҿынархеит. Абас иалагоит "Адаӷь-цәа зхарԥоу" ллакә.

Хыхь иазгәаҳҭахьан "Царевна-лягушка" иашьашәалоу анашанатә лакәқәа ҳара ҳфольклор аҿгьы ишуԥыло, иааџьоушьаратәгьы аԥсуа цәа шырхоу.

Убас, ахҿа акаршәрала аԥҳәысҳәара — ҭоурыхла иҟаҵәҟьаз жәытәӡатәи қьабзуп. Аибашьра акультура ианакәызаалак иахьыӷәӷәаз Кавказ, иалкаангьы Аԥсны, аҭыԥ змаз акоуп. Аҵарауаҩ Шьалуа Инал-иԥа дзыҿцәажәоз шәышықәса инарҭысхьаз абыргцәа аӡбахә рҳәон. XIX ашәышықәсанӡа иааӡеит "Ахка́ршәра" аформала, арахь ааскьа иҭҟьо абџьар еиҳа аԥыжәара аго иалагеит аҟынтә.

Ажәаҭҟьа – ахыҭҟьа иаҩызоуп, рҳәоит аԥсуаа. Арԥызбеи аԥҳәызбеи рразҟы ачаԥаразы ҩ-ҭаацәарак (еиҳарак — абацәа) ҳәоуеиқәшәарала ирыӡбыз аус уажәшьҭа хырԥашьа амам, иԥургар ҟалом ҳәа акәын иаанагоз ахкаршәра ақьабз. Уи нахыс аԥҳәызба дҳәаны дтәоуп, ҿа лҳәеит ҳәа ԥхьаӡан, лҿы аалырҳәыр (мап лкыр), ма иаалырҟьаны ҽаӡәы диццар ҟаломызт, арԥыс иакәзаргьы убас, ҽаӡә дигар — хьымӡӷ дуун, ашьоурахьы икылнагар алшон.

Маӡала ахаҵацараангьы, арԥыс игәаԥхаз аҭыԥҳа напеимдахьас ахеиҵаҵа анлиҭоз ыҟан, усҟан амацәаз ацымхәра ауан. Иара агараҿаҟәараангьы аԥшқа лыхчы иаҵарҵон ахи ахәшәи — аус ӡбоуп, аилагара ҟалом ҳәа.

Абас, ҩ-ҭаацәак ргәаԥхарала, еицазыразны аус аныҟала ашьҭахь, акреимдара иаамҭан. Аҷкәын иҭаацәа ауаа ацҵаны рҭаца лахь аҳамҭақәа рышьҭуан — ари иахьӡын ахка́ршәԥса (иаҳа иааиҿакны ианыҟарҵоз), мамзаргьы амаҭарба́га (иаҳа иааиҵыхны). Уа иахьнеиуаз иреигәырӷьаны ашьтәа ршьуан.

Амаҭарбагеи ахкаршәԥсеи ажәытә аҭаца лзы иршәоз ачма́ (калым) иаԥхьанеиуан, уи иахәҭакын.

🧡 Ахьыуардын шәақәтәа
Please open Telegram to view this post
VIEW IN TELEGRAM
👍114
Аԥсуара акәамаҵамақәа бзиаӡаны издыруаз ажәабжьҳәаҩ, ашәҟәыҩҩы Кәыҷа Лакрба ахкаршәԥса ашьҭразы аинтерес зҵоу азгәаҭа ҟаиҵеит. Иара зго ҳәа хәҩык ауаа алырхуан: аиҳабы, ҩыџьа аҷкәынцәа (руаӡәы — дабхәындан), ҩыџьа аӡӷабцәа (руаӡәы — данхәыԥҳан); еиҳабыс ирыцу дбыргзар бзиан.

"Асасцәа рҭаца лҭаацәа рашҭа ианынҭалалакгьы, абхәында дгәырӷьаны дхысуеит. Хысбжьык ҳамҭак аанагоит, ҩ-хысбжьык — ҩ-ҳамҭак. Убас, заҟантә ахысбжьы гауа аҟара, ҳамҭак. Уи зызку аԥшәмацәагьы ирдыруеит. Убри азоуп акреимдара ахкаршәԥса ҳәа зыхьыӡхазгьы".

Ҳамҭас иҟалон ахьымаҭәа, ацәацәҩыча, аҭаца касқәа, ашьаҵа бзиа, асааҭ, ачысхкқәагьы нарыцҵаны.

▫️ Ахка́ршәԥса — букв. "плата за бросание пули"; "взамен бросания пули", аформант -ԥса иалахырҿиаау ажәақәа иреиуоуп.

▫️ Иахьатәи ҳжәар иалҵхьоу, аҭоурых иагаз ажәоуп иара убас "анамӡаԥса́".

Ари — акласстә еиҟарамра ахаан аҭаца дызгоз рыжәла хылҵшьҭрала, хьыӡла-ԥшала еиҳазар, леихраҵага (анабзы́ҭ) анахысгьы лаб илыциҵоз амал, аԥара, ма атәы (ахәуҩы) изы ирҳәон — плата за уравнение невесты с женихом, букв.: "цена за недостающее".

#ажәахырҿиаара

Ахыҵхырҭа: Ш. Инал-Ипа "Этнография брачно-семейных и социальных отношений абхазов", 2016

🧡 Ахьыуардын шәақәтәа
Please open Telegram to view this post
VIEW IN TELEGRAM
👍153
ИАЖӘЕИНРААЛОУ АНЫҲӘАҾА

Иахьа Лыхнашҭа ажәлар рныҳәа иалахәу, иацгәырӷьо зегьы ирызкызааит.

О, дад, Анцәа уныҳәа!
Ужәла ныҳәа, ухы ныҳәа,
Ажәлар ныҳәаны, урыланыҳәаны!
Уажә дымшны, уҿа дхааны,
Уажәра шышны, уҿа дхааны,
Иуфауа уманы, иужәуа уманы,
Изфауа уманы, ирфауа рнаалуаны!
Уца ҭәны, уҩцара еиԥҟьамкәа,
Уџьықәреи хҳәарышьшьыла,
Убаҳча кыдышьшьы,
Уҩнқәа еикәаӷӷа, астолқәа рыҩнаӷӷа!
Дара ԥшӡаны, ирықәу хааны,
Изфуа ргәы иахәо, ицәырзгауа еиԥхамкәа,
Узҭаху аргәырӷьуа, уқәлацәа аррччауа,
Иҟоу аныҳәаԥхьыӡ Анцәа иудиҵаалааит!

🏔️ Ажәлар ирҳәамҭоуп

Уажәра шышны — чтобы тебя ценили и оберегали в старости

▫️ Лыхнашҭа — аҽаҩраныҳәа мацарам, аԥсуаа ҳатрадициатә культура ахкқәа зегьы раарԥшреи реихаҳареи иазкуп. Абри ахықәкы шьҭыхны раԥхьаӡа акәны имҩаԥган 1984 шықәсазы, 40 шықәса уажәаԥхьа. Абас еиԥш шықәсык ахь зны бзыԥааи абжьыуааи реизарақәа Лыхнашҭеи Мықәашҭеи ныҳәа дуны реиҿкаара ахаҿы дгылан аҵарауаҩ, аетнолог Иури Аргәын. Иара еиқәиршәеит иахьанӡагьы имҩақәҵагоу "Лыхнашҭа аныҳәа аԥҟареи асценартә плани".

🧡 Ахьыуардын шәақәтәа
Please open Telegram to view this post
VIEW IN TELEGRAM
Please open Telegram to view this post
VIEW IN TELEGRAM
17👍5
"Алабашьа абызшәа" ҳәа ишыҟоу еиԥш, ажәытә иҟазаарын аҟамчы "абызшәагьы", аԥсуа-адыгаа уи бзиаӡаны ирдыруан, рхы иадырхәон. Абырг илабашьа шикуа / ишыҵаирсуа ала дзызхәыцуа, ма аус дшазыҟоу уҵаиҳәар ауеит, убас аҟамчы акнаҳашьагьы иунарбоз ыҟан. Иаҳҳәап, асас иузааиз дыццакуа, ԥыҭк даанхо алауирдыруан.

1️⃣ Аҟамчхәы алада ирханы икнаиҳазар, иҽазкны сасра дааит, дыццакӡом.
2️⃣ Ус акәымкәа, ахәы аҩада ирханы аҵӷала икнаиҳазар, даакыдгылеит ауп, лассы дцоит ҳәа аанагон.

Анкьа аибабара, аиҭанеиааирақәа уажә аасҭа ирацәан, уи аҟынтә ари адырга хәыҷ апрактикатә хәарҭара ацын. Уҩны иааиз "уабантәааи", "уабанӡаҟоу" ҳәа иазҵааӡом, аха аԥшәмацәа асас игәы иҭоу рдыруазар иарманшәалон, ишакәхалак, ибзианы дныҟәыргарц иашьҭан, иааиламырцҳаӡакәа ихәы иалагон.

Амла иакыз, зҽы ааԥсаз аҽыуаҩ аҩнаҭа давсӡомызт, ауаҩы дахьазымдыруаз днеиргьы пату иқәырҵон, иҽгьы акраҿарҵон. Аԥсуаа рҿы асас дахьнеилакгьы ихәы ҵәахуп, асас хәы (доля гостя). Шьхаҳәын арахә ашьха ианкарцоз, быжьба-ааба хы аԥсаса аҩны иааныркылон, сасык дааир ҳәа.

Ауабара, ақәлабара ҳәа жәпаҩылагьы еицныҟәон аԥсуаа. Ԥыҭҩык аҽцәа адых-сыхҳәа агәараҭаҿы иааицҽыжәԥазар, аԥшәмацәа иреиуоу аӡӷаб, ма аҷкәын асасцәа даарыдыххыланы рҟамчқәа рымихуан. Аха аҩнаҭаҿы аҿар ыҟамзар, аԥшәма қәрала деиҳабызар — аҟамчы ирҭомызт, дара асасцәа иреиҵбоу даарылагьежьны ирылихуан.

🟠 Ԥҳәызбабара иааз арԥыс ицамҭазы иҟамчы ахькнаҳау иаакныхны аӡӷаб илыркыр, дылгәаԥхеит ҳәа аанагон.

Абас, ажәада аилибакаашьақәа рацәаны иҟан. Аинтерес аҵоуп "аҟамчхәы" иадҳәаланы аԥсшәа иалоу афразеологизмқәагьы:

◊ Ҟамчхәыла еибадырбо аӡӷаб — очень красивая достойная девушка;

◊ Ҟамчхәыла иалыркаауа арԥыс — лучший из лучших юноша, воин (отобранный из числа других как лучший по всем качествам)

📖 Аҟамчхәы́ — кнутовище

🧡 Ахьыуардын шәақәтәа
Please open Telegram to view this post
VIEW IN TELEGRAM
👍14❤‍🔥7