Ахьыуардын
1.26K subscribers
1.38K photos
220 videos
1.66K links
Ахьыуардын — аԥсуа бызшәеи, аҭоурыхи, акультуреи ирызку апроект ҷыда. Напбзиа-шьапбзиа ахьыуардын дақәтәоуп. Шәҳацла: ахьы хәыҷуп, аха шәкы ицоит, аӡә дышәҩыкны дҳаԥхьаӡоит.
Download Telegram
Ашьыжь шара каххаа иааимггеит. Ашьха иаавҵыз амра жәхьан еиԥш иҩеихьеит. Амш ҵәца! Ага ҭынчуп уажәааны, аԥша аҿалоит аарла-аарла, аҽыргәыбзыӷны. Азхара ихәмарп макьана, ацәқәырԥ хоурақәа еишьҭаргыла, иԥхьаҳәо идәықәнаҵап. Аха уаанӡа... аҟәара иаҿаччоит амшын ацәқәырԥа ссақәа. Маҷк ҳааччап ҳаргьы ⤵️

ИАБЕИБАХЬАЗ ҲӘА СЫҞАН

Кәасҭа дҿаҩа уаҩын. Зны ахьшьцәа дрыцны агаҿаҟа дылбааит. Амшын даныҩхықәгыла илабашьа иҵаргыла дшанхашәа ацәқәырԥақәа дырзыԥшуа далагеит, ус аҟыр-ҟырҳәагьы дааччеит. "Изакәызеи, Кәасҭа, укьатеи ԥызҵәо?" – инаиазҵааит. Кәасҭа зҿаазхаз амшын цәқәырԥа илабашьа нақәкны ҿааиҭит: "Ҳаи, иараби, сгәыла Лука иԥаҵақәа иршалон, абри иабеибахьаз ҳәа сыҟан, егьи уи араҟа ацәқәырԥақәа ибахьазаарын, агызмал!"

ШЬЦЫЛАРАЗАР АКӘХАП


Шьмаф диман Алықә зыхьӡыз ҭахык. Уи дынхон Амшын еиқәа ахықәаҿ. Шьмаф абри Алықә иҿы дааны амшын дҭалалон. Нас Шьмаф аҩныҟа данцоз есқьынгьы Алықә дыхҭеикуан, уаала аҩныҟа, Ашьхараԥы унықәымԥшри, иумбац убап ҳәа. Алықә харантәыла акәымзар ашьха имбацызт. Ҽнак зны иаақәикын Шьмаф аҩныҟа данцоз диццеит.
"Абан, сара сахьынхо", – иҳәан Шьмаф, ахәы азқәа иқәгылаз иҩны исас инаиирбеит ианынықәԥш.
"Абар ассир!? – иџьашьаны даацәажәеит Алықә. – Иараби, Шьмаф, уара абриаҟара анышә еиқәыжьуа ирҳаракны унымхар уԥсуазма? Аха ари шьцыларазар акәхап..."

МЫРЗЕИ ЏЬАҬИ ЏЬЕИБАШЬОН

Мырза дынхон Кәыдры амшын иахьалалоз ахықәаҿ. Уаҟа абна бзиа аман. Мырза урҭ аҵла дуқәа аканџьақәа рылхны ауаа идирхәҳауан. Ус-ус аҟазара шьҭихит, зны иҟаиҵеит ӷба жыцәк. Ари збаз, изаҳаз ауаа ааны ирбон. Уи иӷба амшын инхиҵон еиԥш, дааидгылеит Џьаҭ зыхьӡыз игәылак. Џьаҭ аӷба илаԥш изаҟәымго, излаҟаиҵазеи абри ҳәа иџьеишьон, еиҭаџьеишьон. Хазы Мырза Џьаҭ иҭаҭынжәга имхны дахәаԥшуа аџьашьара даҿын. "Уара иџьоушьо закәызеи, Мырза?" – дҵааит Џьаҭ. "Иџьасшьо умбо, – иҳәеит аӷба ҟазҵаз, – ари аныҟоуҵоз абри ахәҵәы укылсны узлацазеи, уанаџьалбеит!"

Аӷба ҟазҵаз акалаҭ ҟазҵаз дџьеишьон ҳәа>>

✍🏻 Анатоли Аџьынџьал иажәабжь кьаҿқәа рҟынтә

#аԥсуа_лафқәа

🧡 Ахьыуардын шәақәтәа
Please open Telegram to view this post
VIEW IN TELEGRAM
👍155
Шьмаф иԥаҵақәа ыршаны иԥсабаратәым аинтеллект дыҭнахит абас. Дышԥажәбо? Ҳрыԥхьап даҽа ҩбаҟа жәабжь 🌊

МАМСЫР АМШЫН ИҼЕИҬОИТ

Мамсыр амшын дышҭаз ддысын аҵахь иҿынеихеит. Ари збаз иааигәара иҟаз Шьаҳан днаицхраа-ааицхраан ишакәзаалак иԥсы еиқәирхеит. Уи ашьҭахь Шьаҳан Мамсыр дахьааиԥылалак — амҩан, агәылара, аизарақәа рҿы — игәахы аакыдихӡеит, уара амшын уанамсхыз, уԥсраны уанеиқәсырхаз шиҳәоз, ишеиҭеиҳәоз. Ҽнак зны арҭ агаҿа еиқәшәахын, Шьаҳан иаацәыригахит: "Иугәалашәо, Мамсыр, аӡы уанамсхуаз, сара сакәымзар..." ҳәа. Мамсыр иԥсахы еиҟәыҷҷо Шьаҳан дааихәаԥшын, – "Ҳаи, иараби, исыхьлакгьы сыхьааит, сара убри уара сызмухыз амшын схы асҭоит!" – иҳәан, дууаӡа дыԥан наҟ иҽналаижьит.

ХӘЫМԤ АМШЫН ДАЦӘШӘО ДАЛАГЕИТ

Хәымԥ дааизар амшын ахықәаҟынҵәҟьа дынхон. Амшын анхыҵуа акәзааит, аԥша анасуа акәзааит, акы дацәшәо дыҟамызт. Уимоу, ашхәа дҭатәаны мшынгәыла дахьымцацыз ыҟамызт: ианиааз аҩыҭиразы Урыстәылаҟа шхәала ацара гәыларацарак анеира изаҩызан. Аусураҟны данааԥсалакь амшын агәы дхыԥшыло дтәалон, иара изы уи акәын ԥсшьарас иҟаз.
Ус Хәымԥ дажәит, 140 дырҭагылеит, аҵәаҳә еиԥш дхәеит, иҟала здырхуада, ахәыцрақәагьы ҵигеит. Ҽнак иара иҿы сасра дынкыдгылеит Ҳаџьмаҭ ҳәа уаҩык.
Хәымԥи Ҳаџьмаҭи ахьеицәажәоз, Ҳаџьмаҭ игәеиҭеит Хәымԥ акы дшархәыцуаз, иажәагь иналеиҵеит, изакәызеи узырхәыцуа ҳәа. Хәымԥ ус ихәеит: "Иҟоу умбои, Ҳаџьмаҭ, абри агаҿа сахьынхо даара ишәарҭоуп, ара иҟалоит иреиҵоу цәқәырԥак аахыҵны амшын сагар, убри аҟнытә сыхҵәаны ашьхарахь сызлацаша атәы сазхәыцуеит".

✍🏻 Анатоли Аџьынџьал

🧡 Ахьыуардын шәақәтәа
Please open Telegram to view this post
VIEW IN TELEGRAM
👍183
Нанҳәамза — барақьаҭуп, раԥхьатәи аҿамаҿа еингалароуп. Џьара-џьара аџьықәреи аӡа ҿухыртә иҟалахьеит: агьама ҳбоит, ҳаигәырӷьоит, ҳақәныҳәоит. Ҳԥааимбар Дырмит ду ишықәс ҳанҭоу ари ажәеинраала ҳамкьыԥхьыр иашам.

🌽 Аҽаҩра

Алтар реиԥш аџьықәреи
Инхыхәа-аахыхәа,
Абӷьы еилаҳауа,
Ахҳәаҵә тартаруа,

Афрангь бжьы аханы,
Абырфын ԥаҵа аҿаны,
Ашьаҭа иаланы,
Аура наӡаны,

Алапҟьа иабзоураны
Агәҭа ырхәаны,
Изазо игылоуп
Амхы еилыҷҷо.

Дырмит Гәлиа


⚔️ Афра́нгь — ажәытә жьиратә термин, "дамасская сталь / сталь высшего качества" аанагоит. Аԥсуаа "афрангь" ҳәа иашьҭоуп ахәыц ааиҟәнаршәартә иҵару аҳәа ццышә; афрангь аҳәа.

Аџьықәреи абӷьы џарџаруа ианыҟоу маӷрахҵәа амхы уалсуазар, уаҵкәоит, уԥнаҟоит, уи ауп афрангь изадикылаз автор — асахьаншьара!

Ажәа ахаҭа аауеит franco (букв.: "французский") аҟынтә, ҳбызшәа иаланагалеит инықәырԥшны абжьарашәышықәсазы, ма иҵегь заа — Кавказ адунеи иаҟәыҭханы иҟамызт ахаан. Атемала астатиа бзиа иҩхьеит аҭоурыхҭҵааҩ, академик Олег Бӷажәба "Дамасские мечи III-IV вв. из Абхазии".

🧡 Ахьыуардын шәақәтәа
Please open Telegram to view this post
VIEW IN TELEGRAM
👍195
Аԥсуа ҭаацәаратә ҵасқәа рҟынтә

Хаҵеи ԥҳәыси анеиднагала, абзиеибабара иаашьҭыркааз гәеихшәара адкыламкәа ԥсраҽнынӡа инаргоит, намысла, патуеиқәҵарала инхоит-инҵуеит.

▫️ Лхаҵа џьара данцо, инҭыҵга маҭәақәа аацәырганы илҭоит, акриҿаҵаны, дныҳәа-ныԥхьаны имҩа дықәылҵоит. Дгьежьны данаауа дгәырӷьаҵәа диԥылоит.

▫️ Иара дынхаҩызар, цәаӷәара, ма рашәара даныҟоу, иԥҳәыс ихәы уны, нас ампахьшьы рҳәны иркәымпылны, қәабҭаргылаҵас иҟаҵаны, лхы иқәҵаны, афатә зну асаара убра иқәлыргылоит — амхахәы́ лгоит. Лхаҵа инапы илырӡәӡәоит, ихәы имҵалҵоит, акрифаанӡа дихаҵгылоит.

▫️ Хаҵеи ԥҳәыси быргцәазаргьы аԥхашьара злоу алаф еибырҳәаӡом, рыхшара ишырбо еидтәалаӡом, еихәмарӡом, еибаргәааны еицәажәом, цҭәак рыбжьазаргьы рхәыҷқәа ишраҳауа еибырҳәом.

▫️ Ахәыҷқәа иакәым акы ҟарҵазар, раби рани хаала ирацәажәоит, иҟарҵаз шхәарҭам рхы иҭаргалоит, даҽазны уи еиԥш иҟоу ҟарымҵарц.

Ахыҵхырҭа: Кәыҷа Лакрба, Аетнографиатә нҵамҭақәа, "Иҭамбаӡо аӡыхь", 1979

#ажәа_бзиоуп

🧡 Ахьыуардын шәақәтәа
Please open Telegram to view this post
VIEW IN TELEGRAM
👍184🔥3
Аҽыҩ ҭактәым,
Аҽыҩ ршәатәым,
Аӷәрагь ирктәым
Атәым! Атәым...


Иван Ҭарба

Аԥсуаа рхақәиҭратә қәԥара уаззырхәыцуа ацәаҳәақәа. Ахақәиҭра аныҟәгара — ҳазныҵыр иҟамло амҩа.

🧡 Ахьыуардын шәақәтәа
Please open Telegram to view this post
VIEW IN TELEGRAM
15🔥5🤗2
Ажәлар ирҳәамҭаны иаҳҭынхаз, аҵакеиҿагылара зныԥшуа аԥсуа жәаԥҟақәа

Ахы зылҟьаз ичҳауан, аҵысха злыҵыз изычҳауамызт.

• Атәыҭара гаӡароуп, атәылхра ҟәыӷароуп.

• Аӷа ирҳара мариоуп, аха иныҟәгара цәгьоуп.

• Аӡәы ар ражәа иҳәон, егьи амаӡажәа иҳәон.

Напеилаԥса уаҩ дааӡоит, лабеилаԥса уаҩ дашьуеит.

Амшә ахаҳә-мҿыхә ақәҳан иачҳаит, аҭәыц анақәшәа иазымчҳаит.

• Аус ԥсуп, ауаҩы дыбзоуп.

Абна иара алымҳа амоуп, амшын иара ахшыҩ амоуп.

Алабаҭыԥ еималоит, абыз аҭыԥ еималом.

• Ала — ҵаҳәарҭоуп, алымҳа — мыцҳәарҭоуп.

Еицәа умбакәа еиӷьу уздыруам.

Аша умбакәа ахаа уздыруам.

• Акамбашь иагьацәаӷәоит, иагьакәаҳауеит.

• Ақәа иагаз амра иазаагом, амра иагаз ақәа иаанагоит.

Сҿара зымбац сажәра Анцәа иумырбан.

Санбзоу сызҭахым, санԥслак сагьимҵәыуааит.

• Аџьал ааигәоуп, агәыӷра наскьоуп.

Ауаа ртәы здыруаз ихатәы издыруамызт.

Ацәгьа ҟауҵар уџьыба иҭаҵа, абзиа ҟауҵар амҩаду иқәҵа, уеизгьы иӡуам.

• Ҿахрак зфаз дырбон, ҩ-ҿахрак зфаз дырбомызт.

• Аӡәы бзабаала дцоит, ҽаӡәы — џьабаала.

• Аӡәы ԥсышьала дыԥсуеит, аӡәы — цәгьаԥсышьала.

• Аиаша хара уагоит, амц ааигәа уннажьуеит.

Иааҳамданы иацышәҵа шәаргьы 🤗

#ажәаԥҟақәа

📖 Аҵы́сха — фурункул

🧡 Ахьыуардын шәақәтәа
Please open Telegram to view this post
VIEW IN TELEGRAM
👍155
Наџьнатә аахыс пату акәҵаны аԥсуаа иаарго акоуп ахҭарԥа. Ахҭарԥа/ахҭырԥа — ӡынгьы-ԥхынгьы имаҭәахәу, иуниверсалтәу, аабыкьанӡа ахацәа аҩнгьы-анҭыҵгьы иныҟәыргоз милаҭтә ххаҵоуп.

Ахҭарԥа ахалагьы ирхарҵоит, Нарҭаа рхылԥа, ма аԥсуа хылԥа ҳәа изышьҭоу ахылԥақәацә ахахгьы иахадырԥоит. Зхы инаркны зшьапаҟынӡа ԥсуа маҭәала зҽеибызҭо иарада дхәарҭам.

Ахҭарԥа метраки бжаки аҟынӡа иаууп, ауразоуроу иаакәыршаны ххьала, сырмала, ма ҟаитанла ихырҵоит, ақә аҿы ачыхә арҭоит, уи даҽакала ааџьақьа́ ҳәа иашьҭоуп. Уигьы аххьа рахәыц ала иҟарҵоит иԥаны, ичыгәӡа. Ахҭарԥа ачыхә ахьынԥсса ирқьақьаны ианихаиҵалак ахаҵа, даара дарԥшӡоит, деиҿнакаауеит.

Аҭоурыхтә анҵамҭақәеи афольклори излаҳдырбо ала, ажәытәан аԥсуааи азахәцәеи шьҭрас иахьатәыҵәҟьаз еиҩырдраауан реилаҳәашьала, рыхҭарԥа аныҟәгашьагьы уахь иналаҵаны. Ҳазгәылаԥшыр ахьынӡаҳалшо аамҭақәа рзы азахәцәа шамахамзар ахҭарԥа рқьақьаны ирхарҵомызт, аԥсуааи, асаӡ-аԥсуааи, аубыхцәеи ракәын уи иазҟазаз. Атәым ныҟәацәа иџьаршьон, шаҟа хкы рыла еиларҵозеи ҳәа.

Адыга бызшәа аҟынгьы ахҭарԥа аазырԥшуа ажәа — шьагәыҭ ажәоуп шъхьарыхъон/щхьэрыхъуэн, аетимологиа еилкаауп, ҳара ҳҟнеиԥш ицәажәоит.

📖
Ахҭарԥа ахаҵа́шьа, аҿаҳәа́шьа, а́илаҵашьа, арҳәы́шьа — манера ношения, завязывания, свертывания башлыка;
Алы́мҳацәқәа // а́мҳацәқәа, аҿа́цәқәа, а́ԥшьқәа — лопасти башлыка;
А́рқьақьара — придавать чему-либо форму круга (ашәҭрқьақьа - венок; ахҭырԥарқьақьа - башлык, обернутый вокруг головы).
🔸 Хҭарԥа шкәакәала умҩасааит! — Да проживешь ты счастливо до старости!

Ахыҵхырҭа: Елена Малиа. Аԥсуа маҭәа, 2003

🧡 Ахьыуардын шәақәтәа
Please open Telegram to view this post
VIEW IN TELEGRAM
17👍7
Ахҭарԥа ахаҵашьақәа еиуеиԥшым, уахьцо, узызку еиԥш: ачарахь, аԥсрахьы, аизарахь, аибашьрахь; ҽынлоу, уахынлоу уҳәа. Иара убас ахаҵа иқәра ахьынӡаҟоу, аҭаацәара далалахьоу, даламлацу иахьԥшуп.

Аԥсуа етикет излаҳәо ала, ахҭарԥа рқьақьаны иаҵаҽырбо ирхарҵоит амш анбзиоу, агәырӷьа хҭысқәа раан. Иҟалоит баша ужәҩахыр иқәыршәзар, ма узқәа икыдзар. Амш цәгьа аныҟоу алымҳацәқәа аужьны ирхарҵоит, ақәа/асы алымсырц. Алахьеиқәрақәа раангьы алымҳацәқәа аужьуп.

🏔 Ашьханыҟәацәа рӡара нҭарсны иалаҿарҳәон, рыбӷа мҵысырц, ршьамхы арласырц. Шоураӡазар, ирхадыршәуан, азлымҳацәк арымарахьала иԥхьаршәҭны. Аԥшаҵәҵәы анасуаз рхы-рҿы ҭаҳәҳәаны, рыхәда иаакәыршаны иҿарҳәон. Абрагьцәеи ашьоура згәы иҭази ақыҭа алсра рықәшәозар, ус акәӡан ишныҟәыргоз.

Ахәра зауз ихәра алаҿаиҳәон, гәаҟрак иахҟьаны аҩны анҭыц ахшараиура ҟалазар, асаби далашьҭырхуан.

Ахҭарԥа аҿаҵәқәа ааидҿаҳәаланы ухәда ихыушьыр ҟалоит арҭмаҟҵас. Ашәарыцацәеи ахьшьцәеи егьараан ирыхәахьеит ус еиԥш (абынрасеи ахьеи ҭарԥсон). Анхацәа ашәыр аларҭаауа убарын (ажь, алаҳа). Абызшәа иаланы иахьанӡагьы иааит "хҭарԥак азна ажь" ҳәа, акапан шәагас иҟан.

Ахҭарԥа аҿаҳәашьақәа хәбеи (авидео), аҭоурыхтә сахьақәеи шәрыхәаԥшыр шәылшоит абра>>

🧡 Ахьыуардын шәақәтәа
Please open Telegram to view this post
VIEW IN TELEGRAM
Please open Telegram to view this post
VIEW IN TELEGRAM
👍166
Ахьыуардын
"Ҳаӷацәа еснагь ҳҭоурых иачычан. Иачычан, избанзар иара ҳаман. Дара иҳамамзар рҭахын, усҟан акыр ирзымариахон рнапахьы ҳаагара". Алықьса Гогәуа Еибашьра бзиа ҟамлаӡацт ари адунеи аҿы, ауаҩи ауаҩи рықәибахра еснагь ирыцҳароуп. Аха уара иануқәло атәы хазуп…
Иӷьазӷьазуа аԥсуа ҟама аӷа ибаҩ иалахуп...

Нанҳәа 14 — алахьеиқәреи агәалашәареи рымш, абри аҽны 1992 шықәсазы иалагеит Аԥсны жәлар рџьынџьтәылатә еибашьра.

Шьоук заа ирнырхьан уи ада ишзамуаз, аҳауа иалан аибашьра афҩы. Аԥсуа полк еиҿкаан, аҽазыҟаҵарақәа ирҿын, аҷкәынцәа рҽеиҭныԥсахло аҳәаахьчара ицалон. Шьоукгьы гәыӷуан уаанӡеиԥш еидысларақәак рыла еилгап ҳәа. Иҟан иазԥшыз, иҟан иазԥшымыз, аха аибашьраҵәҟьа Аԥсны дазхиамызт аӡәгьы. Ар абаҟаз, абџьар абаҟаз, ҳтәыла ахышәа-ҵышәара унахзырԥшыло хсаала шьаҭраҵәҟьак ыҟаӡамкәа иҳалхын. Иҽырӷәӷәаны, иҽеибыҭаӡаны дқәылеит аӷа. Аха Аԥсуа ҟама аӷа иҭихыз "Аҳәа" иаҵамхеит...

Абри аҽны ҩаԥхьа Аԥсны ирылаҩит "Шәнеибац!", азқьышықәсақәа ирхыҩуа иаауа, аԥсадгьыл ахьчацәа-ахацәа ирзырхоу, иагьалызкаауа ааԥхьара. Аԥсадгьыл абжьы... Ираҳаит арагьы, ашьха нхыҵгьы, амшын нырцәгьы. Аидгылара змоу амилаҭ жәларуп, егьа рхыԥхьаӡара маҷзаргьы. Раԥхьатәи агачамкра иаалҵны, жәларыкны игылеит аԥсуаа. Жәларыкны игәра ргеит Аԥыза, агәра ргеит аиааира шаҳтәхоз, Анцәа ихазы инижьыз адгьыл аӷа хәымга ишиаҭәамхоз, Аныхақәа рымч, аԥсуа идоуҳамч, ичҳара шыӷәӷәоу.

Ԥшьышәи жәаха мши-ҵхи аҟазаареи аҟамзаареи рыбжьара. Амлеи ахьҭеи хьаас имкы, иҭахоз рзы ргәы еиқәҳәала, ргәырҩа ҵәахны, рылаӷырӡ ргәы инҭаԥсо, хаԥыц еихырӷәӷәала, иреиӷьӡаз Аԥсны аԥацәеи аԥҳацәеи ршьала иааргеит аԥсуаа Аиааира. Хашҭра шәықәым зыԥсала Аԥсны ҿызхыз аҵеицәа! Иԥшьоу шәгәалашәара аҿаԥхьа ҳхырхәоит Аԥсны ахақәиҭра зхы ақәызҵаз зегьы.

🧡 Ахьыуардын шәақәтәа
Please open Telegram to view this post
VIEW IN TELEGRAM
🙏122
This media is not supported in your browser
VIEW IN TELEGRAM
Аибашьра зырҿиареи зыԥсҭазаареи ӷәӷәала ианырыз аԥсуа шәҟәыҩҩы Даур Занҭариа иажәақәа.

Ажәлар рыԥсадгьыл азы гәышԥыла иангыла — шьакаҭәарада, иреиӷьу аҵеицәа рхи-рыԥси ақәрымҵар ада ҟалашьа амам. Уи ауп изчаԥо Аиааира.


Авидео: Екатерина Бебиа лархив аҟынтә

🧡 Ахьыуардын шәақәтәа
Please open Telegram to view this post
VIEW IN TELEGRAM
14🔥5👍2
☑️ Ашьеи аиашьеи.
Please open Telegram to view this post
VIEW IN TELEGRAM
10
Forwarded from Sputnik Аԥсны
Нанҳәа 15 — Аԥсны хатәгәаԥхарала еибашьуаз ирымшуп.

Нанҳәа 14 1992 шықәсазы Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра ианалага, раԥхьатәи амшқәа инадыркны хыԥхьаӡара рацәала Аԥсны ахьчараз иааит Нхыҵ Кавказ ареспубликақәа рҟынтәи, Урыстәыла аладантәи, Ҭырқәтәылантә, Шьамтәылантә, Иорданиантә, ахара аҳәаанырцәынтәи аибашьцәа-хатәгәаԥхаҩцәа.

Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра иалахәын 2300-ҩык инареиҳаны хатәгәаԥхарала иааны еибашьуаз. Урҭ рҟынтәи:

▪️51-ҩык "Аԥсны Афырхаҵа" ҳәа ахьӡ ҳаракы рыхҵоуп,
▪️247-ҩык Леон иорден ранашьоуп,
▪️623-ҩык "Агәымшәараз" амедал рыҭоуп.

Аԥсны ахақәиҭра рхы ақәырҵеит 260-ҩык ахатәгәаԥхаҩцәа.

Ақалақь-Фырхаҵа Гәдоуҭа агәаны, Аконфедерациа аштаб ахьыҟаз ахыбра аҿаԥхьа аибашьраан иҭахаз ахатәгәаԥхаҩцәа рыхьӡала абаҟа гылоуп. Ара есышықәса агәаларшәаратә митинг мҩаԥыргоит, ашәҭқәа шьҭарҵуеит.

Афотоқәа © Аԥсны Афырхаҵа Асланбек Марзеи иҟынтәи
👍19❤‍🔥3
"Ҳаԥсадгьыл ҿаҳхаанӡа ҳаибашьуеит. Иаҭаххар, ҳаԥсы ақәаҳҵоит, иаҭаххар — напхыцла анышә ҳажуеит, иаҭаху зегь ҟаҳҵоит ҳаԥсадгьыл азы. Аԥсадгьыл анҭыҵ инхо рҟынтә иахьа Аԥсназы акгьы ҟазымҵо ҳара даҳҭәӡам. Счерқьесуп зҳәо зегьы Кавказтәыла рынамыс ауп, зынамыси зыхьымӡӷи иазхәыцуа рыԥсадгьыл иацхраароуп. Адунеи иахьабалаак рыԥсадгьыл азы иеибашьыроуп. Ҳара ҳзы ма аиааира, ма аԥсра!
Ма аиааира, ма аԥсра!
Ма аиааира, ма аԥсра!"


Баҳадыр Абаӷба, Аԥсны Афырхаҵа

• Иаагоуп Беқьир Ашәба ишәҟәы "Сыхьҭашьуеит" аҟынтә, 2010

🧡 Ахьыуардын шәақәтәа
Please open Telegram to view this post
VIEW IN TELEGRAM
Please open Telegram to view this post
VIEW IN TELEGRAM
🔥21👍5❤‍🔥31
Иахьа имшироуп Аԥсны асахьаҭыхцәа-абџьарҟаҵаҩцәа реидгыла "Х-напы" аиҳабы, Аԥсныи уи анҭыҵи еицырдыруа ажьи-анапҟаза, Леон иорден занашьоу Аԥсны жәлар рџьынџьтәылатә еибашьра аветеран Ҭемыр Ӡиӡариа, 55 шықәса ихыҵит.

Ҭемыр Ӡиӡариа занааҭла дсахьаҭыхҩуп, Аҟәатәи Асахьаҭыхратә ҵараиурҭа далгеит (1987), ААУ Аҿыханҵара аҟәша (1997). Уажәшьҭа 25 шықәса раахыс ажьира аус даҿуп. Ажәытәӡатәи ҳажәлар рҟазара инапаҿы иааигеит, ҳаамҭа иақәшәо иреиҳаӡоу аҩаӡарахь ишьҭихит, гәыкала дазыҟоуп.

Иҵаҩцәеи, иҩызцәеи, иареи иҟарҵоит аԥсуа еихақәа, аҳәақәа, алабашьақәа, аԥыракқәа, аҳәызбақәа — аибашьыгатәқәа реиԥш ашәарыцагатәқәагьы, агҿаҩраҿы иукшагьы уҳәа. Аԥсны имҩаԥысуаз абџьарҟаҵаҩцәа рфестиваль аан амаден ахьыҵоу аҭыԥқәа ԥшааны, ашьхантә илбааганы аихаӡа ирҭәахьеит.

Инапкымҭа иазҿлымҳауп шәҩыла ауаа, ирҿиара аҭоурыхтә ҵакы амоуп Аԥсны акультуразы, иааидкыланы Кавказ зегьы азы ҳҳәаргьы, иажәа дуӡам. Изеиӷьаҳшьоит агәабзиара, ақәранҵыра ду, агәахәтәыхьӡара, аманшәалара! Аинар-жьи имахәҿа имахәҿазааит, иа́ӷа Шьашәы рымца агымзааит!

🧡 Ахьыуардын шәақәтәа
Please open Telegram to view this post
VIEW IN TELEGRAM
Please open Telegram to view this post
VIEW IN TELEGRAM
👍178
Аԥсуа маҟеи агәыргәыл маҟеи

Аԥсуа маҟа
ҳәа изышьҭоу сахҭанлыхуп, ипоуп (1,5 см), аҟәынақәа рацәаны иамоуп (еиҳарак хԥа-хԥа ҟәына аҩганк рыла), аԥыџь амоуп. Аҟәынақәеи аԥыџьи араӡны, ма абаҩ иалырхуеит, аха ажәытәан ихьӡыркыз аҟәынақәагьы убарын. Иҟәынаԥсараха аԥсуа маҟа ԥшӡа иацныҟәыргон абџьар маҷымкәа, еиҳарак аҟама.

Аԥсуа маҟа иадырҳәалон иара убас: аԥсуа ҳәызба, акьаԥаҭра, ахҭра (арымарахьала), амаҭәар (асахҭан иалхыз аӡыжәга), ахнырҳәыга, амақьаԥсыс, ақьаса, ацәхьа; атапанча.

Агәыргәыл маҟа ҳәа изышьҭоу хазуп (широкий кавказский пояс). Асахҭан жәпа (аҟәбас) иалхны иҟарҵоит, акыр иҟьаҟьоуп, уигьы аԥыџь амоуп, аҟәынақәа арҭаӡом. Ари еиҳарак ахьшьцәа, ашәарыцацәа, ачашәацәа роуп иныҟәызго. Амаҭәари ахмаҷыри (ма ачаҟәеи) ахьындырҳалоит, аԥсуа ҳәызба хымԥада, нас ада́сга.

Амаҟа традициала акәымжәы иақәырҵоит, аԥхын аншоуроу — акаба, ма акьаҿ иақәырҵоит. Аҷкәын аҽықәтәашьа зҵахьаз амаҟагьы ҿеиҳәон, а́шмаҟа, ма иаабац асахҭан маҟа, уи аҟынтә амаҟаҿа́мҳәа ҳәа изышьҭоу зынӡа ихәыҷу иоуп.

Аԥсуа маҟа ныҟәыргон арԥарацәа 20-25 шықәса анырхыҵлак инаркны иҭаҳмадахаанӡа. Ахаҵа уажәшьҭа сбыргуп ҳәа зхы зыԥхьаӡоз, иаԥсуа маҟа ааимӷыхны иҟьаҟьоу агәыргәыл маҟа имӷеиҵон, аҳәызба заҵәык ацны. Ажәытәан уи 90 шықәса инарҭысхьаз ракәын. Ишаабо еиԥш, амаҟа — ахаҵа (аибашьҩы, ашәарыцаҩ, аныҟәаҩ, хьыӡрацаҩы) иеибыҭашьаҿы хадара злоу аҭыԥ ааннакылон.

Аинтерес аҵоуп аԥсшәа иалоу абри аҩыза афразеологизм: 🔸 Имаҟа ԥырт(ла)ны дыцәоитон ничего не боится, спит спокойно. Ари иаанаго уи ауп, аамҭацқәак алаумҵозар, ахацәа аиҳараҩык ргәы рҽанны ишьҭалон, рмаҟа шрымӷаз, рабџьар рхаҿы ишгылаз — ҳҭоурых!

▫️ Аԥсны аҵакыраҿы ихьшәоу аџьаз шәышықәсахь иаҵанакуа амаҟақәа рацәаны ирԥшаахьеит, аихатәы ԥызақәагьы уахь иналаҵаны.

📖
Аԥы́џь, аԥы́за — пряжка ремня (неподвижный стержень);
Аҟәы́на — металлическая подвеска к кавказскому поясу;
Акьа́ԥаҭра — металлическая коробочка для хранения бурдючного жира (для смазки оружия).
Ахҭра́ — кожаная сумочка с металлическим украшением, в которой носили пули и порох, а раньше — стрелы (ахҿаҭра́);
Амаҭәа́р — кожаная складная кружка;
Ахнырҳәы́га — отвертка для ружья;
Амақьаԥсы́́с — точильный брусок с отверстием для привешивания;
Ақьаса́ — мешочек для трута и огнива;
Ада́сга — железная пластина для пускания крови.

Ахыҵхырҭа: Елена Малиа "Аԥсуа маҭәа", 2003; Аԥсуа-аурыс жәар (еиқә. Владимир Касланӡиа)

🧡 Ахьыуардын шәақәтәа
Please open Telegram to view this post
VIEW IN TELEGRAM
Please open Telegram to view this post
VIEW IN TELEGRAM
👍16👏3😍2