Раԥхьатәи аԥсуа ԥҳәыс-аскульптор Марина Ешԥҳа диижьҭеи 100 шықәса ҵуеит иахьа. Диит лара Лондон, ԥхынгәы 20, 1924 шықәсазы, усҟан уа иҟаз аԥсуа дипломат, аҳәынҭқарратә усзуҩ, ареволиуционер ду Ефрем Ешба иҭаацәараҿы дыԥҳамшны, дыхьӡырҳәаганы.
Марина Ешԥҳа — аскульптор, асахьаҭыхҩы, Аԥсны зҽаԥсазтәыз аҟазара аусзуҩ, Дырмит Гәлиа ихьӡ зху апремиа занашьоу. Заб ишьҭра дхыланы аԥсуаа рмилаҭ-хақәиҭратә қәԥара ԥхьаҟа изгоз, агәеицамк зызҭаз.
Аԥсуа монументалтә ҟазара узалацәажәом лыхьӡ мҳәакәа. Аԥсны акырџьара игылоуп лааԥсара зду абаҟақәа: Гәдоуҭа, Лыхны, Аҟәа, Агәы-Бедиа уҳәа. Лнапы иҵылхит иналукааша ауаа рсахьачаԥақәа, рбиустқәа маҷымкәа. Асовет Еидгыла акультура ашҭаҿы аӡәы ҳәа изықәгәыӷуаз, реиҳа аҭакԥхықәра зцыз абаҟақәеи амедалқәеи зызҿарҵоз лакәын. Баҩхатәрала иналыгӡон.
Марина лнапы злакыз арҿиара аус аҿеиԥш маҵурас дызхагылазаалак аҟынгьы дҵоуран, деилфаҷан, дгәымшәан. Ҩажәа шықәса Аԥсны Асахьаҭыхцәа реидгыла ахантәаҩыс аус луан, 1966 шықәсазы лара лыбзоурала Москва еиҿкаан аԥсуа сахьаҭыхцәа рцәыргақәҵа. Ари акрызҵазкуа ҭоурыхтә хҭысхеит усҟан, ақырҭқәа рҽазҵәылхны ҳрыладырӡҭырц ианаҿқәаз аамҭазы. Лыжәлар ирылиаауаз, аҟыбаҩ зланы иҩаҵхахоз аҿарацәа абӷа рылҭон, дрыцҳаражәҳәаҩын, дрыҵгәаҩын.
Аамҭала Аԥсны Иреиҳаӡоу Ахеилак адепутатс дыҟан, хьаҳәа-хьачарада "Аԥсуаа рысаламшәҟәы" знапы аҵазҩыз дреиуоуп (1977). Илхааныз ирҳәоит ԥҳәысҵас дҟәымшәышәын, дгәыҭбаан, аха ҟазшьалагьы ахырҭәеиԥш деилаҟацаӡа дыҟан ҳәа.
Лбиографиа аҟынтә иаҳдыруа егьырацәам, лҩызцәа ааигәақәа ргәалашәарақәа алаҳамҵозар. Убарҭ ируаӡәкыз ашәҟәыҩҩы Џьума Аҳәба зны илеиҳәазаап, бнысымҩа хатәроуп, амемуарқәа быҩуандаз, ма ианамуӡахгьы мшынҵақәак ҳәа. Иҟаз зегь шыҟаҵәҟьаз ҳәашьа амам, егьыс азыҳәан изаҳҭахузеи ҳәа дааԥышәырччеит лара.
Марина Ешԥҳа лаб хазына идырӡыз, иԥсыбаҩ ахьамадоу аилкаара гәыҵхас ишлымаз лыԥсҭазаара далҵит 2002 шықәсазы. Лыԥсы ахьынӡаҭаз ҟәырҷахала, илзыԥшаауаз ала илахьынҵахаз аҭҵаара даҿын. Ахра еиҩыцәқәа реиԥш иӷьазӷьазуеит аҩыџьагьы ишьхатәылоу Аԥсны аҭоурых аҿы.
🧡 Ахьыуардын шәақәтәа

Please open Telegram to view this post
VIEW IN TELEGRAM
👍20❤5
Ԥхынгәы 23 рзы иазгәаҳҭоит жәыни ҿани еидызҳәалаз, зегь раасҭа иқәыԥшу, зегь раасҭа ижәытәу аныҳәа — Аԥсуа Ҳәынҭқарра Адыргақәа рымш. Шәадныҳәалазааит зегьы!
Шықәсырацәала еиқәтәарак ззымдыруаз ҳажәлар рмилаҭ-хақәиҭратә цәқәырԥара иаанагаз аиааирақәа ируакуп Аԥсны аҳәынҭқарратә символиказы азакәан адкылара. Аԥсны абираҟи агерби шьақәырӷәӷәан 1992 шықәса, ԥхынгәы 23 рзы, анаҩс иагьҿыхын, иагьыԥшьан Аԥсны аҵеицәа ршьала.
Иахьа иахашәыршәыруеит зхы иақәиҭу, зхьыԥшымра азхаҵоу ҳаԥсадгьыл. Ҳахьыҟазаалак қәыԥшыгас, хьарԥшгас иҳамоуп. Адунеи иалаԥсоу ҳауаажәлар рхаҭарнакцәа ргәы аздууп, иалаҽхәоит, ишьҭыхны иркуп. Ус иҟазааит наӡаӡа!
Аԥсынтәыла абираҟқәа – ҳанацәа ирсыз,
Ргарашәа иациз, рнапы разқәа зхьысыз,
Ҳтәыла абираҟқәа азгәышьуамызт ахҿа –
Ҩ-сахьак рнын урҭ:
Амра, Амаҿа!
Мушьни Лашәриа
Please open Telegram to view this post
VIEW IN TELEGRAM
👍26❤6🤯1
Ажәытәи аҿатәи реихаҳа-еиҵаҳара бзиаӡаны иааԥшуеит Аԥсны агимн аҟынгьы.
Аҳәынҭқарратә гимн злалаго абарҭ ажәақәа "Кьаразаа рашәа" иатәуп, уантә иаагоуп, шәышықәса инареиҳаны ирхыҵуеит. Ар рашәоуп, ихьыӡрашәоуп. Абри атәы рҳәахьеит аҵарауаа, хаҭалагьы Уасил Аҩӡба истатиа "Страницы жизни Н. А. Лакоба" аҟны.
Кьаразаа, ишдыру еиԥш, 1917-1921 шықәсақәа рзы Аԥсны иахаԥаны иҟаз ақырҭуа меншевикцәа ирабашьуан. XIX ашәышықәсазы амҳаџьырра цәқәырԥа хәашьны уажәи-уажәи иаасуа ҳажәлар анықәнаӡәӡәаа, ҳадгьыл чашәраҟны атәым милаҭқәа ааганы индырхеит, аха "ахақәиҭраз ашьа казҭәаз, Аԥсны азыҳәан ашьа казҭәаз аԥсуаа рыҷкәынцәа" роуп.
Уажәтәи ҳаибашьраан ишԥаҟаз? Нхыҵынтә, мшын нырцәынтә ҳашьцәа ҳавагылеит. Аҭыԥантәи атәым милаҭқәа аҳаҳаи ара ҳаҟоуп ҳәа аӡәыкны рыбжьы дмыргеит, шамаха рҽыдмырҵысит, изцоз цеит, инхаз — "иаиааилак рнапаҿы ҳаҟоуп" ҳәа иԥшын (аӷа идгылаз ҳрылацәажәом араҟа). Анцәа иумҳәан, аха иахьа иаацәгьарахаргьы ус акәхап ишыҟало, аҭоурых ашьҭрақәлара адыруеит.
Аԥсуа Аԥсҭазаареи Аԥсадгьыли рҟынтә иуҭаху алх ҳәа аниарҳәа лакҩакрада Аԥсадгьыл алихит, избанзар:
• Ԥсҭазаарас иҟоу Ԥсадгьылуп (аԥсуа жәаԥҟа),
• Ушьа зықәҭәам адгьыл — ԥсадгьылым, баша нышәуп (аԥсуа жәаԥҟа),
• Аԥсны ақәҵра зҭахыз иԥсра жәбааит (ахҵәарақәа раамҭа иахылҿиааз аԥсуа жәаԥҟа).
🧡 Ахьыуардын шәақәтәа
Шәнеибац, шәнеибац
Аԥсуаа рыҷкәынцәа,
Аԥсны азыҳәан ашьа казҭәаз
Аԥсуаа рыҷкәынцәа!
Ахақәиҭраз ашьа казҭәаз

Telegram
Sputnik Аԥсны
1992 шықәсазы Аԥсны ахьыԥшымра анрыларҳәа, ишьақәырӷәӷәан аҳәынҭқарратә гимн.
Аҳәынҭқарратә гимн — Аԥсны аҳәынҭқарратә символны иԥхьаӡоуп, закәанла иарбоу аҭагылазаашьақәа раан инарыгӡо музыка-поезиатә рҿиамҭоуп.
Агимн атекст:
Агимн атекст:
Шәнеибац, шәнеибац…

👍12🔥2❤1🤯1
Жәлар рфорум "Аидгылара" аиҿкааҩцәа ируаӡәку, аҳәынҭқарратә, ауаажәларратә усзуҩ, ҳгимн ажәақәа равтор, ипоетҵәҟьоу апоет, аҟаза, ауаҩдыр, апатриот Геннади Аламиа ақәраныҳәа имоуп иахьа — 75 шықәса ихыҵит. Гәыкала ҳидныҳәалоит.
Геннади Аламиа Аԥсны аҭоурых аҿгьы аԥсуа литераутра аҭоурых аҿгьы иналукааша зхатә аҭыԥ аанызкыло рҿиаҩуп, хаҭароуп. Кавказ нхыҵ-аахыҵ аешьара жәларқәа ахьтәы цҳа рыбжьазҵаз, ҳаамҭазтәи аԥсуа ҳәынҭқарра ашьақәгылара зааԥсара шьардаӡа иаду, ҳара ҳазхаану Арӡынба ицнагаҩцәа дреиуоуп.
Зхыҵхырҭаҿы дгылоу аусқәа анарха роуит, убасҵәҟьа ибаҩхатәра лыԥшаах иахылҿиааз аҩымҭақәа анарха рыцуп: ажәеинраалақәа, аиҭагақәа, зынӡа иҿыцу Нарҭаа ирыхҳәаау апоема ссир уҳәа. Иахьатәи аҿар лымкаала бзиа ибаны иркьыԥхьуеит, ҿырҳәала ирдыруеит 35-40 шықәса раԥхьа икалам иҵыҵыз алирика. Апоезиа цқьа аамҭа иазҳәаақәҵом, адунеи иақәлахоит.
"Адунеи ақәлаха сазраӡаз,
Ахәмарха сыҭ, аччаха,
Гәырҩеи насыԥи реилкааха,
Ааԥсаха сыҭ, ашлаха,
Уи сызхоит, уи салаӡоит...
Уи аҳәаа санынахыс,
Ҳәатәы-утәы сымаӡам,
Ԥсшьараамҭоуп — уи нахыс,
Ԥсшьаха змоуц дыҟаӡам..."
Геннади Аламиа

👍14❤4
This media is not supported in your browser
VIEW IN TELEGRAM
Геннади Аламиа аԥсуа литературазы — ❤️ 👏🏻
Аиҿцәажәара нагӡаны шәахәаԥшыр шәылшоит абра>> иахьатәиуп. Абас ахьиҳәо аҭыԥгьы шәԥылоит:
"Сара" аҳәара ҳаҟәыҵроуп, "ҳара" ҳҳәалароуп. Сахьааихьоу акыр сылшазар, исылзыршаз аԥсуа жәлар роуп.
Аԥсуара згәылыжжуа ажәақәа. "Аидгылара" еиҿызкаауаз даҽакала ҳәашьа имоума! Жәлар рфорум ззаԥҵаз ахықәкы нанагӡеит, аха уи аидеиақәа ахааназ рҵакы рцәыӡуам.
🧡 Ахьыуардын шәақәтәа
Аиҿцәажәара нагӡаны шәахәаԥшыр шәылшоит абра>> иахьатәиуп. Абас ахьиҳәо аҭыԥгьы шәԥылоит:
"Сара" аҳәара ҳаҟәыҵроуп, "ҳара" ҳҳәалароуп. Сахьааихьоу акыр сылшазар, исылзыршаз аԥсуа жәлар роуп.
Аԥсуара згәылыжжуа ажәақәа. "Аидгылара" еиҿызкаауаз даҽакала ҳәашьа имоума! Жәлар рфорум ззаԥҵаз ахықәкы нанагӡеит, аха уи аидеиақәа ахааназ рҵакы рцәыӡуам.
Please open Telegram to view this post
VIEW IN TELEGRAM
👍16❤2😍2
"Аԥареи" "аҟәрышьи" акыр ихьшәаны аԥсшәа иалалаз ажәақәоуп, хышә шықәса рыҩнуҵҟа ара знырра ӷәӷәаз аҭырқәцәа иаҳзынрыжьит. XVII ашә. инаркны Аосман Империаҿы ирчаԥон аҩбагьы, ҟәрышьк — 40 ԥара ицон.
Раԥхьатәи аҟәрышьқәа раӡнытәқәан, рыкапангьы акыр идуун, нас абҩа иалырхуа иалагеит, рҿыгҳара иагхеит. Аҟәрышь иахьагьы иҭрыжьуеит, аҿыц аамҭазы имҩаԥысыз ареформақәа раамышьҭахь капеик, ма центк иаваҟәылоит.
🏛 Ажәытә ҟәрышьқәа Аԥсны абанк амузеи аҿы ицәыргоуп, уа иаҳбар ҳалшоит.
XVIII ашә. анҵәамҭазы аԥсҳа Қьалышьбеи Чачба ианиааз 70 бзарбзан зықәгылаз аԥраӷба ду иргылеит 105-нызқь ҟәрышь ахҭынҵаны, нас аҭырқәа сулҭан ҳамҭас ииҭеит.
XX ашә. актәи азбжанӡагьы аҟәрышь ахархәара аман Аԥсны, абыргцәа ражәаҳәаҿы аԥараҿырпы аҵакала иуԥылоит. (Шәахәаԥш хыхь иааҳгахьаз ажәабжьҳәаҩ Маадан Сақаниа иҳәамҭа>>). Ага ихәаахәҭуаз аҭуџьарцәа анықәҵқәа, аурыс имааҭ аԥыжәара анага, "аҟәрышь" азеиԥш ҵакы шьҭнахит (деньги; немного денег): аҟәрышь аҭахуп; аҟәрышь азы ушԥаҟоу; ҟәрышьқәак сырҳаит.
(Б. Шьынқәба)
🪙 "Аԥара" шьҭызкааз ҳара ҳамацара ҳакәӡам, аосманцәа амчра ахьыркыз егьырҭ атәылақәа рҿгьы ирҳәон, ирчаԥон (асербцәа, арумынцәа, амолдавцәа, мсыраа уҳәа). "Аҟәрышь" хылҵшьҭрала аурысцәа ражәа иалоу "грош" иагәыцхәуп, аҩбагьы хаз-хазы алатин ажәа grossus иахылҿиааит.
• Ҟәрышь ҳәа ахаҵа хьӡы ыҟоуп;
• Ҟәрышьԥы́шә ҳәа иссирны еиҭаргеит амультфильм "Винни-Пыҟә" иалоу аҳәаҵыс "Пятачок" ахьӡ (аԥсуа дублиаж ҟазҵаз — арежиссиор Виачеслав Аблоҭиа).

Ҟәрышьқәак узынаҳашьҭуеит, ҽыхәышәтәра уца. Иулымшозар лабак уҽанҵа!
(Б. Шьынқәба)
🪙 "Аԥара" шьҭызкааз ҳара ҳамацара ҳакәӡам, аосманцәа амчра ахьыркыз егьырҭ атәылақәа рҿгьы ирҳәон, ирчаԥон (асербцәа, арумынцәа, амолдавцәа, мсыраа уҳәа). "Аҟәрышь" хылҵшьҭрала аурысцәа ражәа иалоу "грош" иагәыцхәуп, аҩбагьы хаз-хазы алатин ажәа grossus иахылҿиааит.
• Ҟәрышь ҳәа ахаҵа хьӡы ыҟоуп;
• Ҟәрышьԥы́шә ҳәа иссирны еиҭаргеит амультфильм "Винни-Пыҟә" иалоу аҳәаҵыс "Пятачок" ахьӡ (аԥсуа дублиаж ҟазҵаз — арежиссиор Виачеслав Аблоҭиа).
Please open Telegram to view this post
VIEW IN TELEGRAM
Please open Telegram to view this post
VIEW IN TELEGRAM
👍12❤5❤🔥2
Иахьа "аулафахәы́" ззаҳҳәо уаанӡа а́аԥсарахə, ма аџьаба́аԥса ҳәа иашьҭан аԥсуаа, уи зынӡа иԥарамзаргьы ҟалон. Абызшәа аԥсы анҭоу ауаҩы иԥсҭазаара иацрымшәо аҽеиҭанакуеит, ак арҳауеит, ак алҵуеит, агәылаԥшра иунаҭо рацәоуп.
🪢 Ажәарыԥхрақәа арубрикаҿы еизаҳгеит аформант -ԥса (стоимость) иалахырҿиаау ажәақәа, реиҳарак архаизмқәоуп, жәытә аԥсышәоуп, ҭоурыхуп:
• А́хәԥса / аԥса́хә - цена; стоимость
• Аҿы́хԥса - выкуп;
• Аҿыхтԥса́ - подарок невесте, чтобы она открыло лицо;
• Мба́длаԥса - штраф за недосмотр за аталыком (воспитанником);
• Аха́раԥса - штраф вообще;
• Ашьаԥса́* - цена крови; плата за кровь;
• Аны́ҳәаԥса - подарок молельщику;
• А́хәшәԥса - плата солью за лекарственное растение;
• Ахьаҷа́ҷԥса - плата целительнице за лекарство,
• А́хьчаԥса — доля наемного пастуха (несколько голов из стада)
Шәаргьы ижәдыруа анышәҵа.
📖
Ҩынхә, хынхә, ԥшьынхә.., жәанхә — двойная, тройная и т.д. цена; ҩынхә иҳәеит (икит) — он назвал двойную цену;
Анаӡы́н – аԥара ԥсахра изгаз анаӡара ацҵаны ианирхынҳәуа, аԥсуа економикатә терминуп, "апроцент" иақәшәоит.
* Ашьаԥса ахәԥҳа дылнахуан, ашьаԥсахәԥҳара ҳәа иҟан ажәытәан, ҩ-жәлак ахҟа анрыбжьалалак ақәибахрахь имнеирц абжьаҟазацәа ззаиуаз аӡбашьақәа руак. Зшьа зушаз рысаби дрымхны, ма дымҵарсны драаӡон, хәԥҳас дҟарҵон. Уажәшьҭа аиура рыбжьалеит, ашьеи ахши еилоуҭәар ҟаломызт. Дааӡаны дандырхынҳәуаз аԥара, арахә, ма ауахьад ицырҵон; зны-зынла ашьаԥсамаха аарышьҭуан (аинраалагатә жьыхәҭаҵас).
▫️ Ашәҟәыҩҩы Мушьни Мқаииа ироманқәа рҿы инеиҵыхны, даара исахьаркны еиҭеиҳәоит ашьаԥсахәԥҳара, акыкацҳара, анышәынҭра асасра реиԥш иҟаз, ажәлар рҟәышреи, рхарахәыцреи зныԥшуа ақьабзқәа рыӡбахә. Аҭҵаарадырраҿы атема иазааҭгылахьеит Шьалуа Инал-иԥа, Артур Аншба, Зураб Џьапуа, Марина Барцыц; Нхыҵ-Кавказтәи аетнологцәа маҷҩымкәа.
#ажәарыԥхрақәа

👍21❤🔥3
Аԥсны Афырхаҵа, аԥырҩы ҟаза Нодар Гьерзмаа диижьҭеи 70 шықәса ҵуеит иахьа.
Нодар Гьерзмаа Краснокутсктәи аԥырратә ҵараиурҭаҿы аҵара иҵеит, анаҩс Аграждантә авиациазы Академиа далгеит (адҵаҟаҵаҩцәа рфакультет). Изанааҭдырра ҳаракын, ажәҩан далан ԥсаатәҵас дкаууа, иԥсы аланы бзиагьы ибон.
Аԥсны жәлар рџьынџьтәылатә еибашьра аналага зегь раԥхьаӡа аӷа иҿагылақәаз дреиуоуп. Зны Гәымсҭатәи афронт аҿы арҟәыҵәа дреиҳабын, аха лассы ажәҩан ахь иԥхьеит. Нхыҵынтә ҳаирпланла абџьари аџьаԥҳани ааигон, Мрагыларатәи афронт ахь дԥыруан. Аибашьра цонаҵы џыр мҵәыжәҩала 146-нтә жәҩангәахьы дхалеит. 1993 шықәса алагамҭазы Арра-ҳаиртә мчрақәа рыдҵаҟаҵаҩ ихаҭыԥуаҩс дарҭеит.
Аибашьра ахы инаркны аҵыхәанӡа далагылан, иԥсадгьыл аҿаԥхьа иуалԥшьа наигӡеит ҭакԥхықәра дула. Зегь раасҭа ианыуадаҩыз аамҭақәа рзгьы дышԥхьагылаҩыз даанхон, агәымшәара илан ҳәа дыргәаладыршәоит иҩызцәа. Аԥсны Афырхаҵа ҳәа ахьӡ ихҵан 1993 шықәсазы арԥыза Владислав Арӡынба идҵала.
Аибашьра ашьҭахь Аԥсны арра-ҳаиртә мчрақәа иаарыҵагылашаз аԥрыҩцәа ҿарацәа еиҵаиааӡон, абҵас дырхылаԥшуан, иқәлацәа афицарцәа ешьас дрывагылан, иԥышәа рымеидон.
Нодар Гьерзмаа иԥсҭазаара далҵит 2018 шықәсазы, 64 шықәса дшырҭагылаз. Иқәра маҷуп, ҳәарада, аха апоет Иван Ҭарба иажәақәа рыла иуҳәозар:
Иԥсы ҭынчзааит, ихьӡ кашәара ақәымзааит Афырхаҵа!

Аԥсҭазаара иамоу шәагас
Ашықәс акәым, аҽакуп.
Хаҵа усла зымҩа назгаз
Ишәышықәса агәашә аартуп.
Иԥсы ҭынчзааит, ихьӡ кашәара ақәымзааит Афырхаҵа!
Please open Telegram to view this post
VIEW IN TELEGRAM
👍18❤4
"Аԥсуа" ахьӡны ҳбызшәа иалоу, ус анакәха Кавказ азы алымкаах ҵакы змоу акультуратә терминқәа 25
• Аԥсуа хаҵа
• Аԥсуа шәақь
• Аԥсуа еиха
• Аԥсуа еиқәа
• Аԥсуа ҳәызба
• Аԥсуа ҟама
• Аԥсуа маҭәа
• Аԥсуа маҟа
• Аԥсуа кәымжәы
• Аԥсуа кәадыр
• Аԥсуаҽы
• Аԥсуа џьма
• Аԥсуашьха
• Аԥсуа цха
• Аԥсуа ҵәа
• Аԥсуа тама
• Аԥсуажьыш
• Аԥсуа чыс
• Аԥсуамца
• Аԥсуа чара
• Аԥсуа кәашара
• Аԥсуашәа
• Аԥсуа бызшәа
• Аԥсуара
• Аԥсуа жәлар
• Аԥсуа дгьыл
( Аԥсны , Аԥсҳа реиԥш иҟоу аполитикатә терминқәа арахь иалаҳҵаӡом, аха урҭгьы жәытәқәоуп, аԥсуаа ирхылҿиааит)
Игәоумҭарц залшом акыр ишырацәоу "аԥсуа" ҳәа аидентификациа зызуу ахаҵа-аибашьҩы иеибыҭашьа узырбо ажәақәа. Иаҳгәалаҳаршәап Иуа Коӷониа ипоема "Абаҭаа Беслан" аҿы афырхаҵа исахьа шҭихуазгьы:
🧡 Ахьыуардын шәақәтәа
• Аԥсуа хаҵа
• Аԥсуа шәақь
• Аԥсуа еиха
• Аԥсуа еиқәа
• Аԥсуа ҳәызба
• Аԥсуа ҟама
• Аԥсуа маҭәа
• Аԥсуа маҟа
• Аԥсуа кәымжәы
• Аԥсуа кәадыр
• Аԥсуаҽы
• Аԥсуа џьма
• Аԥсуашьха
• Аԥсуа цха
• Аԥсуа ҵәа
• Аԥсуа тама
• Аԥсуажьыш
• Аԥсуа чыс
• Аԥсуамца
• Аԥсуа чара
• Аԥсуа кәашара
• Аԥсуашәа
• Аԥсуа бызшәа
• Аԥсуара
• Аԥсуа жәлар
• Аԥсуа дгьыл
Игәоумҭарц залшом акыр ишырацәоу "аԥсуа" ҳәа аидентификациа зызуу ахаҵа-аибашьҩы иеибыҭашьа узырбо ажәақәа. Иаҳгәалаҳаршәап Иуа Коӷониа ипоема "Абаҭаа Беслан" аҿы афырхаҵа исахьа шҭихуазгьы:
"Иаҳәеи, иҟамеи, итапанчеи,
Икәымжәи, икабеи, ихҭырԥарқьақьеи,
Абарҭ рыла ма дҩашьозма
Аԥсуа хаҵа Абаҭаа!"
Please open Telegram to view this post
VIEW IN TELEGRAM
👍15🔥5🥰5❤1🥱1
Media is too big
VIEW IN TELEGRAM
Аҵыхәтәантәи хышә шықәса рыла Аԥсныи Ашәтәылеи рҳәаақәа рыҽшырԥсахуаз узырбо асахьаныҟәа-хсаала.
Ҭынч изхәаԥштәу акоуп. Арыӷьарахьала ашықәсқәеи аҳцәа (ахадацәа) рыхьӡқәеи анылоит.
Ахыҵхырҭа>>
🧡 Ахьыуардын шәақәтәа
Ҭынч изхәаԥштәу акоуп. Арыӷьарахьала ашықәсқәеи аҳцәа (ахадацәа) рыхьӡқәеи анылоит.
Ахыҵхырҭа>>
Please open Telegram to view this post
VIEW IN TELEGRAM
👍12💔6❤4😁1
Ашьыжь шара каххаа иааимггеит. Ашьха иаавҵыз амра жәхьан еиԥш иҩеихьеит. Амш ҵәца! Ага ҭынчуп уажәааны, аԥша аҿалоит аарла-аарла, аҽыргәыбзыӷны. Азхара ихәмарп макьана, ацәқәырԥ хоурақәа еишьҭаргыла, иԥхьаҳәо идәықәнаҵап. Аха уаанӡа... аҟәара иаҿаччоит амшын ацәқәырԥа ссақәа. Маҷк ҳааччап ҳаргьы ⤵️
ИАБЕИБАХЬАЗ ҲӘА СЫҞАН
Кәасҭа дҿаҩа уаҩын. Зны ахьшьцәа дрыцны агаҿаҟа дылбааит. Амшын даныҩхықәгыла илабашьа иҵаргыла дшанхашәа ацәқәырԥақәа дырзыԥшуа далагеит, ус аҟыр-ҟырҳәагьы дааччеит. "Изакәызеи, Кәасҭа, укьатеи ԥызҵәо?" – инаиазҵааит. Кәасҭа зҿаазхаз амшын цәқәырԥа илабашьа нақәкны ҿааиҭит: "Ҳаи, иараби, сгәыла Лука иԥаҵақәа иршалон, абри иабеибахьаз ҳәа сыҟан, егьи уи араҟа ацәқәырԥақәа ибахьазаарын, агызмал!"
ШЬЦЫЛАРАЗАР АКӘХАП
Шьмаф диман Алықә зыхьӡыз ҭахык. Уи дынхон Амшын еиқәа ахықәаҿ. Шьмаф абри Алықә иҿы дааны амшын дҭалалон. Нас Шьмаф аҩныҟа данцоз есқьынгьы Алықә дыхҭеикуан, уаала аҩныҟа, Ашьхараԥы унықәымԥшри, иумбац убап ҳәа. Алықә харантәыла акәымзар ашьха имбацызт. Ҽнак зны иаақәикын Шьмаф аҩныҟа данцоз диццеит.
"Абан, сара сахьынхо", – иҳәан Шьмаф, ахәы азқәа иқәгылаз иҩны исас инаиирбеит ианынықәԥш.
"Абар ассир!? – иџьашьаны даацәажәеит Алықә. – Иараби, Шьмаф, уара абриаҟара анышә еиқәыжьуа ирҳаракны унымхар уԥсуазма? Аха ари шьцыларазар акәхап..."
МЫРЗЕИ ЏЬАҬИ ЏЬЕИБАШЬОН
Мырза дынхон Кәыдры амшын иахьалалоз ахықәаҿ. Уаҟа абна бзиа аман. Мырза урҭ аҵла дуқәа аканџьақәа рылхны ауаа идирхәҳауан. Ус-ус аҟазара шьҭихит, зны иҟаиҵеит ӷба жыцәк. Ари збаз, изаҳаз ауаа ааны ирбон. Уи иӷба амшын инхиҵон еиԥш, дааидгылеит Џьаҭ зыхьӡыз игәылак. Џьаҭ аӷба илаԥш изаҟәымго, излаҟаиҵазеи абри ҳәа иџьеишьон, еиҭаџьеишьон. Хазы Мырза Џьаҭ иҭаҭынжәга имхны дахәаԥшуа аџьашьара даҿын. "Уара иџьоушьо закәызеи, Мырза?" – дҵааит Џьаҭ. "Иџьасшьо умбо, – иҳәеит аӷба ҟазҵаз, – ари аныҟоуҵоз абри ахәҵәы укылсны узлацазеи, уанаџьалбеит!"
Аӷба ҟазҵаз акалаҭ ҟазҵаз дџьеишьон ҳәа>>
✍🏻 Анатоли Аџьынџьал иажәабжь кьаҿқәа рҟынтә
#аԥсуа_лафқәа

👍15❤5
Шьмаф иԥаҵақәа ыршаны иԥсабаратәым аинтеллект дыҭнахит абас. Дышԥажәбо? Ҳрыԥхьап даҽа ҩбаҟа жәабжь 🌊
МАМСЫР АМШЫН ИҼЕИҬОИТ
Мамсыр амшын дышҭаз ддысын аҵахь иҿынеихеит. Ари збаз иааигәара иҟаз Шьаҳан днаицхраа-ааицхраан ишакәзаалак иԥсы еиқәирхеит. Уи ашьҭахь Шьаҳан Мамсыр дахьааиԥылалак — амҩан, агәылара, аизарақәа рҿы — игәахы аакыдихӡеит, уара амшын уанамсхыз, уԥсраны уанеиқәсырхаз шиҳәоз, ишеиҭеиҳәоз. Ҽнак зны арҭ агаҿа еиқәшәахын, Шьаҳан иаацәыригахит: "Иугәалашәо, Мамсыр, аӡы уанамсхуаз, сара сакәымзар..." ҳәа. Мамсыр иԥсахы еиҟәыҷҷо Шьаҳан дааихәаԥшын, – "Ҳаи, иараби, исыхьлакгьы сыхьааит, сара убри уара сызмухыз амшын схы асҭоит!" – иҳәан, дууаӡа дыԥан наҟ иҽналаижьит.
ХӘЫМԤ АМШЫН ДАЦӘШӘО ДАЛАГЕИТ
Хәымԥ дааизар амшын ахықәаҟынҵәҟьа дынхон. Амшын анхыҵуа акәзааит, аԥша анасуа акәзааит, акы дацәшәо дыҟамызт. Уимоу, ашхәа дҭатәаны мшынгәыла дахьымцацыз ыҟамызт: ианиааз аҩыҭиразы Урыстәылаҟа шхәала ацара гәыларацарак анеира изаҩызан. Аусураҟны данааԥсалакь амшын агәы дхыԥшыло дтәалон, иара изы уи акәын ԥсшьарас иҟаз.
Ус Хәымԥ дажәит, 140 дырҭагылеит, аҵәаҳә еиԥш дхәеит, иҟала здырхуада, ахәыцрақәагьы ҵигеит. Ҽнак иара иҿы сасра дынкыдгылеит Ҳаџьмаҭ ҳәа уаҩык.
Хәымԥи Ҳаџьмаҭи ахьеицәажәоз, Ҳаџьмаҭ игәеиҭеит Хәымԥ акы дшархәыцуаз, иажәагь иналеиҵеит, изакәызеи узырхәыцуа ҳәа. Хәымԥ ус ихәеит: "Иҟоу умбои, Ҳаџьмаҭ, абри агаҿа сахьынхо даара ишәарҭоуп, ара иҟалоит иреиҵоу цәқәырԥак аахыҵны амшын сагар, убри аҟнытә сыхҵәаны ашьхарахь сызлацаша атәы сазхәыцуеит".
✍🏻 Анатоли Аџьынџьал

👍18❤3
Нанҳәамза — барақьаҭуп, раԥхьатәи аҿамаҿа еингалароуп. Џьара-џьара аџьықәреи аӡа ҿухыртә иҟалахьеит: агьама ҳбоит, ҳаигәырӷьоит, ҳақәныҳәоит. Ҳԥааимбар Дырмит ду ишықәс ҳанҭоу ари ажәеинраала ҳамкьыԥхьыр иашам.
🌽 Аҽаҩра
Алтар реиԥш аџьықәреи
Инхыхәа-аахыхәа,
Абӷьы еилаҳауа,
Ахҳәаҵә тартаруа,
Афрангь бжьы аханы,
Абырфын ԥаҵа аҿаны,
Ашьаҭа иаланы,
Аура наӡаны,
Алапҟьа иабзоураны
Агәҭа ырхәаны,
Изазо игылоуп
Амхы еилыҷҷо.
Дырмит Гәлиа
⚔️ Афра́нгь — ажәытә жьиратә термин, "дамасская сталь / сталь высшего качества" аанагоит. Аԥсуаа "афрангь" ҳәа иашьҭоуп ахәыц ааиҟәнаршәартә иҵару аҳәа ццышә; афрангь аҳәа.
Аџьықәреи абӷьы џарџаруа ианыҟоу маӷрахҵәа амхы уалсуазар, уаҵкәоит, уԥнаҟоит, уи ауп афрангь изадикылаз автор — асахьаншьара!
Ажәа ахаҭа аауеит franco (букв.: "французский") аҟынтә, ҳбызшәа иаланагалеит инықәырԥшны абжьарашәышықәсазы, ма иҵегь заа — Кавказ адунеи иаҟәыҭханы иҟамызт ахаан. Атемала астатиа бзиа иҩхьеит аҭоурыхҭҵааҩ, академик Олег Бӷажәба "Дамасские мечи III-IV вв. из Абхазии".

👍19❤5
Аԥсуа ҭаацәаратә ҵасқәа рҟынтә
Хаҵеи ԥҳәыси анеиднагала, абзиеибабара иаашьҭыркааз гәеихшәара адкыламкәа ԥсраҽнынӡа инаргоит, намысла, патуеиқәҵарала инхоит-инҵуеит.
▫️ Лхаҵа џьара данцо, инҭыҵга маҭәақәа аацәырганы илҭоит, акриҿаҵаны, дныҳәа-ныԥхьаны имҩа дықәылҵоит. Дгьежьны данаауа дгәырӷьаҵәа диԥылоит.
▫️ Иара дынхаҩызар, цәаӷәара, ма рашәара даныҟоу, иԥҳәыс ихәы уны, нас ампахьшьы рҳәны иркәымпылны, қәабҭаргылаҵас иҟаҵаны, лхы иқәҵаны, афатә зну асаара убра иқәлыргылоит — амхахәы́ лгоит. Лхаҵа инапы илырӡәӡәоит, ихәы имҵалҵоит, акрифаанӡа дихаҵгылоит.
▫️ Хаҵеи ԥҳәыси быргцәазаргьы аԥхашьара злоу алаф еибырҳәаӡом, рыхшара ишырбо еидтәалаӡом, еихәмарӡом, еибаргәааны еицәажәом, цҭәак рыбжьазаргьы рхәыҷқәа ишраҳауа еибырҳәом.
▫️ Ахәыҷқәа иакәым акы ҟарҵазар, раби рани хаала ирацәажәоит, иҟарҵаз шхәарҭам рхы иҭаргалоит, даҽазны уи еиԥш иҟоу ҟарымҵарц.
Ахыҵхырҭа: Кәыҷа Лакрба, Аетнографиатә нҵамҭақәа, "Иҭамбаӡо аӡыхь", 1979
#ажәа_бзиоуп

👍18❤4🔥3
Аҽыҩ ҭактәым,
Аҽыҩ ршәатәым,
Аӷәрагь ирктәым
Атәым! Атәым...
Иван Ҭарба
Аԥсуаа рхақәиҭратә қәԥара уаззырхәыцуа ацәаҳәақәа. Ахақәиҭра аныҟәгара — ҳазныҵыр иҟамло амҩа.
🧡 Ахьыуардын шәақәтәа
Аҽыҩ ршәатәым,
Аӷәрагь ирктәым
Атәым! Атәым...
Иван Ҭарба
Please open Telegram to view this post
VIEW IN TELEGRAM
❤15🔥5🤗2
Ажәлар ирҳәамҭаны иаҳҭынхаз, аҵакеиҿагылара зныԥшуа аԥсуа жәаԥҟақәа
• Ахы зылҟьаз ичҳауан, аҵысха злыҵыз изычҳауамызт.
• Атәыҭара гаӡароуп, атәылхра ҟәыӷароуп.
• Аӷа ирҳара мариоуп, аха иныҟәгара цәгьоуп.
• Аӡәы ар ражәа иҳәон, егьи амаӡажәа иҳәон.
• Напеилаԥса уаҩ дааӡоит, лабеилаԥса уаҩ дашьуеит.
• Амшә ахаҳә-мҿыхә ақәҳан иачҳаит, аҭәыц анақәшәа иазымчҳаит.
• Аус ԥсуп, ауаҩы дыбзоуп.
• Абна иара алымҳа амоуп, амшын иара ахшыҩ амоуп.
• Алабаҭыԥ еималоит, абыз аҭыԥ еималом.
• Ала — ҵаҳәарҭоуп, алымҳа — мыцҳәарҭоуп.
• Еицәа умбакәа еиӷьу уздыруам.
• Аша умбакәа ахаа уздыруам.
• Акамбашь иагьацәаӷәоит, иагьакәаҳауеит.
• Ақәа иагаз амра иазаагом, амра иагаз ақәа иаанагоит.
• Сҿара зымбац сажәра Анцәа иумырбан.
• Санбзоу сызҭахым, санԥслак сагьимҵәыуааит.
• Аџьал ааигәоуп, агәыӷра наскьоуп.
• Ауаа ртәы здыруаз ихатәы издыруамызт.
• Ацәгьа ҟауҵар уџьыба иҭаҵа, абзиа ҟауҵар амҩаду иқәҵа, уеизгьы иӡуам.
• Ҿахрак зфаз дырбон, ҩ-ҿахрак зфаз дырбомызт.
• Аӡәы бзабаала дцоит, ҽаӡәы — џьабаала.
• Аӡәы ԥсышьала дыԥсуеит, аӡәы — цәгьаԥсышьала.
• Аиаша хара уагоит, амц ааигәа уннажьуеит.
Иааҳамданы иацышәҵа шәаргьы 🤗
#ажәаԥҟақәа
📖 Аҵы́сха — фурункул

Ахьыуардын
Зегь раасҭа исахьарку антонимқәа еимхәыцҵас икәалыкәаџьо ҳажәлар рфольклор иалаԥсоуп. Ажәаԥҟақәа, аҭәҳәақәа, ацуфарақәа, ашәақәа рҿы иуԥылоит еихышәшәо, аиҿырԥшра гәылҭәаақәа ирызҳәаны, ма амагиатә функциа анагӡаразы. Аԥсы-абза, ацәгьа-абзиа, ахы-аҵыхәа,…
👍15❤5
Наџьнатә аахыс пату акәҵаны аԥсуаа иаарго акоуп ахҭарԥа. Ахҭарԥа/ахҭырԥа — ӡынгьы-ԥхынгьы имаҭәахәу, иуниверсалтәу, аабыкьанӡа ахацәа аҩнгьы-анҭыҵгьы иныҟәыргоз милаҭтә ххаҵоуп.
Ахҭарԥа ахалагьы ирхарҵоит, Нарҭаа рхылԥа, ма аԥсуа хылԥа ҳәа изышьҭоу ахылԥақәацә ахахгьы иахадырԥоит. Зхы инаркны зшьапаҟынӡа ԥсуа маҭәала зҽеибызҭо иарада дхәарҭам.
Ахҭарԥа метраки бжаки аҟынӡа иаууп, ауразоуроу иаакәыршаны ххьала, сырмала, ма ҟаитанла ихырҵоит, ақә аҿы ачыхә арҭоит, уи даҽакала ааџьақьа́ ҳәа иашьҭоуп. Уигьы аххьа рахәыц ала иҟарҵоит иԥаны, ичыгәӡа. Ахҭарԥа ачыхә ахьынԥсса ирқьақьаны ианихаиҵалак ахаҵа, даара дарԥшӡоит, деиҿнакаауеит.
Аҭоурыхтә анҵамҭақәеи афольклори излаҳдырбо ала, ажәытәан аԥсуааи азахәцәеи шьҭрас иахьатәыҵәҟьаз еиҩырдраауан реилаҳәашьала, рыхҭарԥа аныҟәгашьагьы уахь иналаҵаны. Ҳазгәылаԥшыр ахьынӡаҳалшо аамҭақәа рзы азахәцәа шамахамзар ахҭарԥа рқьақьаны ирхарҵомызт, аԥсуааи, асаӡ-аԥсуааи, аубыхцәеи ракәын уи иазҟазаз. Атәым ныҟәацәа иџьаршьон, шаҟа хкы рыла еиларҵозеи ҳәа.
Адыга бызшәа аҟынгьы ахҭарԥа аазырԥшуа ажәа — шьагәыҭ ажәоуп шъхьарыхъон/щхьэрыхъуэн, аетимологиа еилкаауп, ҳара ҳҟнеиԥш ицәажәоит.
📖
Ахҭарԥа ахаҵа́шьа, аҿаҳәа́шьа, а́илаҵашьа, арҳәы́шьа — манера ношения, завязывания, свертывания башлыка;
Алы́мҳацәқәа // а́мҳацәқәа, аҿа́цәқәа, а́ԥшьқәа — лопасти башлыка;
А́рқьақьара — придавать чему-либо форму круга (ашәҭрқьақьа - венок; ахҭырԥарқьақьа - башлык, обернутый вокруг головы).
🔸 Хҭарԥа шкәакәала умҩасааит! — Да проживешь ты счастливо до старости!
Ахыҵхырҭа: Елена Малиа. Аԥсуа маҭәа, 2003

❤17👍7
Ахҭарԥа ахаҵашьақәа еиуеиԥшым, уахьцо, узызку еиԥш: ачарахь, аԥсрахьы, аизарахь, аибашьрахь; ҽынлоу, уахынлоу уҳәа. Иара убас ахаҵа иқәра ахьынӡаҟоу, аҭаацәара далалахьоу, даламлацу иахьԥшуп.
Аԥсуа етикет излаҳәо ала, ахҭарԥа рқьақьаны иаҵаҽырбо ирхарҵоит амш анбзиоу, агәырӷьа хҭысқәа раан. Иҟалоит баша ужәҩахыр иқәыршәзар, ма узқәа икыдзар. Амш цәгьа аныҟоу алымҳацәқәа аужьны ирхарҵоит, ақәа/асы алымсырц. Алахьеиқәрақәа раангьы алымҳацәқәа аужьуп.
🏔 Ашьханыҟәацәа рӡара нҭарсны иалаҿарҳәон, рыбӷа мҵысырц, ршьамхы арласырц. Шоураӡазар, ирхадыршәуан, азлымҳацәк арымарахьала иԥхьаршәҭны. Аԥшаҵәҵәы анасуаз рхы-рҿы ҭаҳәҳәаны, рыхәда иаакәыршаны иҿарҳәон. Абрагьцәеи ашьоура згәы иҭази ақыҭа алсра рықәшәозар, ус акәӡан ишныҟәыргоз.
Ахәра зауз ихәра алаҿаиҳәон, гәаҟрак иахҟьаны аҩны анҭыц ахшараиура ҟалазар, асаби далашьҭырхуан.
Ахҭарԥа аҿаҵәқәа ааидҿаҳәаланы ухәда ихыушьыр ҟалоит арҭмаҟҵас. Ашәарыцацәеи ахьшьцәеи егьараан ирыхәахьеит ус еиԥш (абынрасеи ахьеи ҭарԥсон). Анхацәа ашәыр аларҭаауа убарын (ажь, алаҳа). Абызшәа иаланы иахьанӡагьы иааит "хҭарԥак азна ажь" ҳәа, акапан шәагас иҟан.
Ахҭарԥа аҿаҳәашьақәа хәбеи (авидео), аҭоурыхтә сахьақәеи шәрыхәаԥшыр шәылшоит абра>>

👍16❤6