Google аԥсшәа адырҵазаап!
Имариоу аҳәоуқәа аҿаҳҵан, ицәгьамкәа еиҭанагоит. Ҳәарада, иаанашьҭуа атекст маҷ-саҷк анаха-аахара аҭахуп, аха уи егьырҭ абызшәақәа рҿгьы ус ауп. Ишакәхалак, цхыраагӡа бзиоуп ҳазҭагылоу ацифра аамҭазы, апрактикатә хархәара шаиуа агәра ҳгоит. Ҳаигәырӷьеит!
Еилоу аҳәоуқәа рыла ишьақәгылоу асахьаркыратә ҩымҭа анакәха, амч ақәхаӡом макьана. Уи иаргьы есааира алшарақәа еиӷьхоит, аҽарҿыцуеит, аха егьа дырра ҭанагӡаргьы, егьа иласызаргьы, ауаҩы ихшыҩ иԥнаҟо аробот иалымшарашәа ҳгәы иабоит. Иҟало ҳбап.
🧡 Ахьыуардын шәақәтәа

Please open Telegram to view this post
VIEW IN TELEGRAM
Please open Telegram to view this post
VIEW IN TELEGRAM
❤25👍10🔥3
Ахьыуардын
Ашьхарыуа диалект ажәақәа, мамзаргьы шаҟа ибеиоузеи ҳбызшәа! ▫️Арахәыц - аха́ц ▫️Аҿаҳа-ҿас, зҿы акуа - абызкна́ҳа ▫️Аҽага - ашәа́га ▫️Аҩнаргәы - аҽхъҵа́, аҿышәа ▫️Адашьма - аӷәҽыхҵá ▫️Ачуан - аҟәшәа́ (ашәарыцаратә бызшәа иалоуп) ▫️Адәкаршәра - аҳәáҟьа…
Аԥсуааи ашәуааи еицаҳзеиԥшу ажәаԥҟақәак
• Ауаҩытәыҩса дыбзоуп, аус ԥсуп.
• Иуҳәаанӡа иҳасаб, иануҳәа инагӡа.
• Ухәыцны уцәажәа, унаԥшы-ааԥшны утәа.
• Мазара аҳроуп.
• Аӡәы имазара уақәымгәыӷын.
• Иумоу ҟәнумшьан.
• Угәы иҭоу ухы-уҿы иаана́хәоит.
• Уаӷа амҩа аниуҭа — умҩада-еимаадахоит.
• Гәи-шьамхи ажәуам.
• Асас асыс еиԥш дҟасоуп. (Асаси асыси)
📖
Аҟа́са — важный; смиренный, спокойный
Иҵегь аинтерес зҵоу аҿырԥштәқәа ааигоит аҵарауаҩ Михаил Џьергьениа абри истатиаҿы>>
#ажәаԥҟақәа
🧡 Ахьыуардын шәақәтәа
• Ауаҩытәыҩса дыбзоуп, аус ԥсуп.
• Иуҳәаанӡа иҳасаб, иануҳәа инагӡа.
• Ухәыцны уцәажәа, унаԥшы-ааԥшны утәа.
• Мазара аҳроуп.
• Аӡәы имазара уақәымгәыӷын.
• Иумоу ҟәнумшьан.
• Угәы иҭоу ухы-уҿы иаана́хәоит.
• Уаӷа амҩа аниуҭа — умҩада-еимаадахоит.
• Гәи-шьамхи ажәуам.
• Асас асыс еиԥш дҟасоуп. (Асаси асыси)
Аҟа́са — важный; смиренный, спокойный
Иҵегь аинтерес зҵоу аҿырԥштәқәа ааигоит аҵарауаҩ Михаил Џьергьениа абри истатиаҿы>>
#ажәаԥҟақәа
Please open Telegram to view this post
VIEW IN TELEGRAM
👍13❤3
Зхаҵара ажәабжь ушьҭнахуа, зыхьӡ камшәо, ԥсра зқәым аҵеицәа гәымшәақәа рыла ибеиоуп Аԥсны, дара рыла иҿыхуп Аԥсны. Арҭ амшқәа рзы иаҳгәалаҳаршәоит аԥсыҭбара рацәа зцыз, аха инагӡаз, Аиааиразы иеиҭасымҭахаз Ԥхынгәымзатәи ажәылара.
1993 шықәса, ԥхынгәы 2 рзы ҵхла аԥсуаа рыҷкәынцәа Гәымсҭа ирны ҩаԥхьа Аҟәа ахақәиҭразы иеихеит. Иара уи ауха хышәҩык аибашьцәа Гәдоуҭантә шхәала абџьари аџьаԥҳани рыманы Тамшь иӡхыҵит. Хымш рцымхәарас мчыбжьык Очамчыреи Аҟәеи еимаздоз амҩаду ркын, аӷа иҽизмырӷәӷәарц.
Амза 2-9 рыбжьара мрагыларахь хацәнамырхала ицоз аибашьра иалҵшәаны Лабра, Тамшь агәы, Ануаа-рхәы ҭарцәын. Мраҭашәарахь ҳархәҭақәа хаԥсыра баны, қәаршыҩҵас иааиуаз ахымца иаҿагыланы, ақәаршыҩ ахаҭагьы ицәгыланы иеибашьуан. Мышқәак рыла аԥсуаа рнапаҿы иааргеит Аҟәатәи ГЕС, Каман, Гәыма.
Зынӡа аҩ-фронтк рҿы ԥхынгәымзазы иҭахеит 400-ҩык инарзынаԥшуа Аԥсны ахьчаҩцәа, (аӷа иҭаз ааха ҩынтә-хынтә еиҳан). Хашҭра рықәымзааит зыԥсадгьыл зхы ақәызҵаз зегьы!
Борис Гәыргәлиа
• Тамшьтәи адесант иалахәыз ргәалашәарақәа шәрыԥхьар шәылшоит абра>>
• Алада Ешыра идырны аԥсра иазцоз агәыԥ ирызку анҵамҭа — абра>>
• Ԥхынгәымзатәи ажәылара ахроникеи аҵаки>>

Ҳадгьыл иалашәҵеит шәшьа,
Ҳажәҩан иалашәҵеит шәыԥсы,
Дгьыли-жәҩаны ыҟанаҵ
Иҟаларц Аԥсны!
Борис Гәыргәлиа
• Тамшьтәи адесант иалахәыз ргәалашәарақәа шәрыԥхьар шәылшоит абра>>
• Алада Ешыра идырны аԥсра иазцоз агәыԥ ирызку анҵамҭа — абра>>
• Ԥхынгәымзатәи ажәылара ахроникеи аҵаки>>
Please open Telegram to view this post
VIEW IN TELEGRAM
Sputnik Аҧсны
Аибашьра алҵшәа зыӡбаз: 1993 шықәсазы Ииультәи аоперациа
Ииультәи ажәыларатә операциа Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьра алҵшәа зыӡбаз акәхеит. Акымкәа иманшәаламхаз аоперациақәа рышьҭахь, аԥсуа архәҭақәа даҽазнык ижәылеит ақырҭқәа ирымпыҵархалаз адгьылқәа рхақәиҭтәразы.
🙏8🤯1
This media is not supported in your browser
VIEW IN TELEGRAM
"Ахьтәы гәыргәал хәыҷқәа араӡны саан ианԥсалоушәоуп шәырр-шәырр ҳәа арашәыгақәа рыбжьы улымҳа шаргәытәуа". (Анатоли Возба)
Арашәы́га (цикада) — уажәааны ицәырҵуа, ҳаԥхынра зыда ухаҿы иузаамго маҵақәоуп, даҽак иаламҩашьо абжьду рхылҵуеит. Реиҳа ианшоуроу амшқәа раан, ашьыжь амра шыҩагылаз инаркны уаха аҵх иаарымнахаанӡа инеимда-ааимдо "ишәаҳәоит", иҷыжьҷыжьуеит, иҵырҵыруеит, иҵәааҵәаауеит. Рыбжьы рацәа улымҳа ҵнахаауама шуҳәо иаалырҟьаны иааҭгылоит, нас ҳамҭак ашьҭахь еиҭаналагахуеит.
Арашәыгақәа акыр иҟәазуп, роура 7 сантиметрак инаӡоит. Рыбжьы зладырго аӷәаӷә ҷыдақәа рымгәацәа хәыҷы иаҵоуп. Акакан ашәра ианаҿу араҵлақәа ирықәтәангьы иҵырҵыруеит, абжьааԥны дара зынӡа улаԥш иҵашәом, ашәаԥыџьаԥ иалаӡуп.
Арашәыга абжьыуатәи, бзыԥтәи адиалектқәа ирзеиԥшуп, (уаанӡа бзыԥаа ирҳәон "арасәы́га" ҳәа). Ажәар аҿы иаабоит хԥа-ԥшьба хьӡы змоу амаҵақәагьы, иаҳҳәап:
🦗
А́рҵу, ака́ԥа, акау́л, акатма́ҷ — кузнечик;
Аҟəара́рҵу, ма аха́ҳəрҵу — кобылка;
Аҽаҩра́рҵу — полевой сверчок;
Аԥра́с, аӡахы́баа(ҩ), на́нҳәахӡы, на́нҳәа(хәы)мпыл, амаҭхса́, аӡҭа́с — стрекоза.

👍17❤3
ЗЕГЬ РЕИҲА ИХЬАНҬОУ
Гәыԥҩык ахьааидтәалаз еимаркит, адунеи аҿы зегь реиҳа ихьанҭоузеи ҳәа. "Адгьыл, амшын, амра, амза", – зегьы акака рҳәеит. Убри аамҭаз ҭаҳмадак дахьтәаз ҿааиҭит: "Зегьы раҵкыс, дад, амаӡа хьанҭоуп. Уи наунагӡа аӡәгьы изышьҭымхыцт".
✍🏻 Анатоли Аџьынџьал
🧩 А-ма-ӡа (тайна, секрет) иумы́рӡаз ауп (букв.: "неразглашенное"), ма амапкратә форма + ӡа "а́рӡара" аҟынтә.
Арӡара ажәа ишнеиуаз "арзара" ахь ииасит, иахьа "исырзоит//исырзом" ҳҳәоит. Аха ус ҟалаанӡа иахылҿиаахьаз ажәақәа рҿы -ӡ шыҟаз еиқәхеит, иаҳҳәап: "аԥсӡы́" (весть о смерти), "абзарӡы́" (публичная похвала).
#ажәахырҿиаара

👍22❤3
This media is not supported in your browser
VIEW IN TELEGRAM
Амра хәмаруеит аӡ агәҭа,
Шәахәа гәарҭак – ба быхәҭа.
Шәахәа гәарҭак – са сыхәҭа,
Амра хәмаруеит аӡ агәҭа.
Уахь ҳанҭалап ҳаиманы,
Бсырцәап амраҿ бнарианы,
Амраҿ сбырцәап снарианы,
Уахь ҳанҭалап ҳаиманы.
Нас уи ҳацҭашәап ианцо,
Ԥхыӡла ашәақәа бзаԥҵо,
Ԥхыӡла ашәақәа сзаԥҵо,
Нас уи ҳацҭашәап ианцо.
Ашьыжь ҳацҿыхап еиҭа,
Шәахәа гәарҭак – ба быхәҭа,
Шәахәа гәарҭак – са сыхәҭа,
Ашьыжь ҳацҿыхап еиҭа.
Амра хәмаруеит аӡ агәҭа…
Рушьбеи Смыр
#алирика
🧡 Ахьыуардын шәақәтәа
Шәахәа гәарҭак – ба быхәҭа.
Шәахәа гәарҭак – са сыхәҭа,
Амра хәмаруеит аӡ агәҭа.
Уахь ҳанҭалап ҳаиманы,
Бсырцәап амраҿ бнарианы,
Амраҿ сбырцәап снарианы,
Уахь ҳанҭалап ҳаиманы.
Нас уи ҳацҭашәап ианцо,
Ԥхыӡла ашәақәа бзаԥҵо,
Ԥхыӡла ашәақәа сзаԥҵо,
Нас уи ҳацҭашәап ианцо.
Ашьыжь ҳацҿыхап еиҭа,
Шәахәа гәарҭак – ба быхәҭа,
Шәахәа гәарҭак – са сыхәҭа,
Ашьыжь ҳацҿыхап еиҭа.
Амра хәмаруеит аӡ агәҭа…
Рушьбеи Смыр
#алирика
Please open Telegram to view this post
VIEW IN TELEGRAM
❤21👍6🔥5
Ахьыуардын
🌄 Ашара адәы ианаақәло • Аша́цкыра, • Амзацәкы́ра, • Аа́имыггара, • Аша́мҭа, • Ашаркка́мҭа, • Ацәылаша́мҭа, • Амрагы́ламҭа, • А́шьыжьӡа, • Рба́ӷьҿҭын. #асинонимқәа Асахьаҿы: Гагра шарԥазы "Егьа исзыршарԥазуазаргьы шарԥазӡа саауеит" — абас иҟоу абызԥҽыгак…
Амра аҵыхәтәантәи ашәахәақәа анхьаҵуа 🌅
• Амрахба́ламҭа
• А́хәылбыҽха
• А́хәымҽхан
• Аилашәшәы́мҭа
• Ааилахәла́мҭа
• А́аилабыџра
• Ацәылашьца́ра
• Ахәылԥе́изара
• А́хәылԥаз
• Хәлаԥы́н
#асинонимқәа
Акыр ҳцәыбжьахама?
🧡 Ахьыуардын шәақәтәа
• Амрахба́ламҭа
• А́хәылбыҽха
• А́хәымҽхан
• Аилашәшәы́мҭа
• Ааилахәла́мҭа
• А́аилабыџра
• Ацәылашьца́ра
• Ахәылԥе́изара
• А́хәылԥаз
• Хәлаԥы́н
#асинонимқәа
Акыр ҳцәыбжьахама?
Please open Telegram to view this post
VIEW IN TELEGRAM
👍22🔥3❤2
Forwarded from Ахьыуардын
Аханатә иҟан Аҟәа. Ахьӡгьы, аҭыԥгьы. Аханқәа гыламызт, аха ауаа нхон. Аԥсуаа ажәытәӡа ҳазхылҵыз ҳабдуцәа рабдуцәа. Аскифцәа раԥхьагьы аихаршы зкхьаз, аџыр арҭәашьеи аӡрыжәшьеи зҵахьаз аҭыԥантәи ауааԥсыра.
Инықәырԥшны 2600 шықәса раԥхьа мшынла арахь иааӡеит ажәытә бырзен ныҟәацәа, ашьапгьы ркит ақалақь Диоскуриада. Ахьтәы уасцәа иашьҭаланы Колхида иаахьаз аишьцәа Диоскураа рыхьӡала. Урҭ ркульт акырӡа иӷәӷәан усҟан Милет. Амиф ишаҳәо ала, рныҟәараан аӷбақәа ԥыҭк еицын, аха иҿықәгылаз дара зықәтәаз "Арго" заҵәык ауп. (Арго – аԥсуа ажәа а́рга (плавсредство) иаҿирԥшуан абызшәадырҩы Валери Кәарҷиа).
Абас, еибашьрада абырзенцәеи агениохцәеи акыраамҭа еиванхон, еиҿцаауан, ихәаахәҭуан, иҿион, аԥара рчаԥон, аӷбақәа дыргылон. Аҩыратә хыҵхырҭақәа шаҳаҭуп Аҟәа усҟантәи аамҭақәа рзы 70 инаркны 300 милаҭ рхаҭанакцәа шеизнагоз.
Хьӡи-ԥшеи аманы Диоскуриада ҳашықәсԥхьаӡара иҭалеит. Дук хара имгакәа аҭоурых адаҟьа ҿыцгьы аатит: аурымқәа раамҭа, аурым ҳәынҭқар Октавиан Август-Себастос ихьӡ иахаршалаз – Себастополис.
Цхәым ахьӡ цәырҵуеит абжьарашәышықәсазы, ахыҵхырҭақәа рҟны — XI ашәышықәса инакрны. 1331 шықәсазтәи хсаалак аҿы иарбоуп "Sakhum" ҳәа, абраҟа ухаҿы иааиуеит аԥсуаа рҿы ахархәара змаз ахаҵа хьӡы Саӷәым. Иара убас Гәыма иуԥыло аҭыԥхьыӡқәа Лықым, Лыцәым; ақыҭа Уақәым уҳәа рынҵәамҭақәа реиԥшзаара. Ажәакала, иҟалоит, ҳаҳҭнықалақь Аҟәа-Сухум ҳәа иахьа иаху аҩ-хьӡыкгьы аԥсышәазар.
Ишәҭыкакаҷлааит! 🌊🌇

👍19❤8
Диоскуриа ҿиаанӡа иара аҭыԥан аиланхарҭа ду шыҟаз дыршаҳаҭуеит акыс ажәытәӡатәи аџьыкаршра ашьҭақәа. Археологцәа Аԥсны агаҿы иаадырԥшыз аџьыкаршыга маҭәахәқәа (текстильная керамика) ихьшәоу аџьаз шәышықәса иатәуп. Еиҳарак ирацәаны ирбеит Аҟәа, нас Ешыра, Очамчыра, Афон ҿыц.
Ҳера ҟалаанӡа 3000-2600 шықәсқәа рзы, абырзенцәа ара ишьақәтәаанӡа, аҭыԥантәи ауааԥсыра нхон-инҵуан, мшынла иныҟәон, адгьыл иқәаарыхуан, арахә рааӡон, исуан-ихахон, ижьиуан, акыц рӡуан, аџьыкагьы дыршуан.
Алшықәсанык ирызхаша аџьыка ҟарҵон аԥхынразы, аарҩарақәа раан, аԥхын мзаҩала ианиасуаз. "Аӡ иахшаз, мрала иааӡоу, зан дызбар иԥсуа" — аџьыка иазку ари ацуфара даара акрахыҵуеит ҳәа иԥхьаӡоуп. Амшынӡы рытҟәон, амра ақәшуа акыр иҭадырбон, нас акыц иаҳәа иҭаҭәаны амца аҵадыршуан. Уахгьы-ҽынгьы агәгәаҳәа еиқәын аганхацәа рымцақәа. Қәак леир риаҳәақәа злахырҩозгьы рыман, еихых-еиҵыхны ақьалақәа дыргылон, аха уи аџьыкаршцәа рџьабаа даҽа џьабаак ацнаҵон.
Аџьыка зҭахыз иааны иргон нышьла, уардынла. Шьхала илбаауан егьырҭ амилаҭқәа рхаҭарнакцәагьы, агауаа рзы имаҭәахәыз акы иаҭныԥсахланы аџьыка рыхәҳауан. Анаҩс Диоскуриа ианасакьаҳәымҭаха, амшын-нырцәынтә аџьыкахыш аарго ианалага, аҭыԥантәи аџьыкаршра еиԥхьбеит. Убас егьырҭ анаплакқәеи анапҟазареи атәым нырра рыхҭыргеит.
Аԥсуаа ажәытәан аџьыка шдыршуаз убла иаахгылартә, уԥынҵа иааҭасыртә дахцәажәеит Дмитри Быҭәба иҭоурыхтә роман "Амшмыхәла" аҟны. Ароман хазы шәҟәны иҭыҵит 2018 шықәсазы, ҳаҳҭнықалақь Аҟәа 2500 шықәса ахыҵра иагьазикит автор.
"Аҟәараҿы ишьҭаз адгьыл ҭаҳараҿ, амшын иаваҵаны иҟаҵаз ажрақәа дрыхәаԥшуа дахьнеиуаз иџьаишьон абас зларӡбазеи ҳәа. Ажрақәа зегьы еимаздоз хазы даҽа жра дук амшын иалырсын, устәиала амыжьӡы ҭаланы нас егьырҭ ажра ссақәа рахь инеиуан. Урҭ ажрақәа зегьы мыжьӡыла ианҭәлакь ашьҭахь амшын ахь икылсуаз ажра ду аҿышәҭ неимаԥсаны ианыршәҳалак, нас амыжьӡы шьҭахьҟа изымцо ажрақәа иаарҭахон. Ашоурақәа раан ихылҩа-ԥсылҩаны ианҭабалак ашьҭахь иҵаатәалоз аџьыкаӡырӡ ҭганы нышәаԥшьлыхла иҟаҵаз аиаҳәа ԥшьыркца хәыҷқәа ирнырҭәалон, нас ашьаҟақәа инарықәыргыланы амцақәа нарыҵаҵаны аџьыкаӡырӡ еиладыршуан, убас мацара амыжьӡы анааҵабалак аиаҳәақәа иаарыҵахон иҟәашӡа иҟаз аџьыкахыш".
🧂Асахьаҿы: ақәабқәа рыла (еиҳа ааскьатәи) аџььыкаршра апроцесс

👍19❤5⚡2
Шәазхәыцхьоума, аԥсуаа "ихаам-ишшам" ҳәа ззырҳәо аҵаа згу афатә ауп. Аџьыка — ауаҩы иидырыз раԥхьаӡатәи архаага акәын. Иҵа́ауп иаанагон ихаауп (вкусно), абжьыуатәи адиалект аҿы ари ажәа еиҳагьы ҵакыла иҿиеит: ихаауп = излоуп. Аха иџьашьатәӡам, ус ҳара ҳҿы адагьы иахьыҟалахьоу ыҟоуп.
Аурысшәаҿы, иаҳҳәап, ажәақәа "соленый" "сладкий" шьагәыҭк еицрыман, аҩбагьы анкьаӡа зны аџьыка иахылҿиааит (праиндоевропейский корень sal - соль), "солодкий" рҳәон аславинцәа азларазы, уигьы хаауп-тәа. Аха аџьыка анцәырҵуаз аамҭақәа рзы ауаҩы ашьақар зынӡа иҿахьы иааимгацызт, иааидкыланы афатә хкқәас иҟаз маҷын. Нас азлара агьама аниба, ахаара иазикхьаз ажәа уахь ииасит.
Ачыс егьа ибзианы иҟаҵазаргьы, ҵаарада ихаахаӡом — ажәаԥҟа.
Аԥсшәаҿы аџьыка иахҳәаау ажәаԥҟақәеи афразеологизмқәеи реиҳарак ажәытәӡахь ухьадырԥшуеит, ӷбала ианааргоз, ашыци ацхеи ианаҭнырԥсахлоз ашәышықәсақәа рахь, акыргьы ирацәоуп дара. Уи аҟынтә ажәа ахаҭа аԥсышәа цқьоуп уҳәаратәы иҟоуп (аҭырқәшәаҿы иашоу азы "acı" (аџьы́) рҳәозаргьы).
• Џьыкала иааухәама? — "абас ахә зуки", акы зҭиуа ахә анирцәгьалак азы;
• Аԥсаҭеи аџьыкаци ҳəа дцəажəоит — иашала, қәнагала иажәа иҳәоит;
• Аԥсаҭеи аџьыкеи реиԥш еинаалоит — арԥызбеи аԥҳәызбеи еизшоуп;
• Аџьыка ршо џьышəшьома? — ауаа абашазы ианеизалак лафшақә ирарҳәо;
• Џьыкаагара дцеит — иԥсҭазаара далҵит;
• Аџьыкаӡырӡ еиԥш иркит — акы иаднахалаӡеит;
• Абырг аџьыкац даҩызоуп — дыӷәӷәоуп, игәы бзиоуп;
• Уи иџьыкахə уаҩы ифом — уи аӡәгьы диҭахым, дуаҩы хәымгоуп, ичеиџьыка рфом;
• Ихы аџьыка ықәихит — аџьамыӷәа цәгьа ибеит.
Ажәахырҿиааралагьы ибеиоуп: аџьы́ка (соль), аче́иџьыка (хлеб-соль), аџьыкаӡы́рӡ (рассол), аџьыкҵәа́ҵәа (соль, перетертая с чем-ниб.), аџьыкахы́ш (белоснежная соль), аџьыкахәы́ԥхь (молотая соль), аџьы́кац (крупинка соли), аџьыкаҟəа́л / аџьыкаԥа́л (кусковая соль), апырпылџьы́ка (букв.: "перечная соль"), ахәсхәаџьы́ка (аджика из пряных трав). Аҵыхәтәантәиқәа ҩба акыр еиҳа ихьшәоуп.
• Ахәшә ахьыҵырхуагьы аџьыкац ыҵарыԥсоит — иахьанӡа иааз ари ажәаԥҟа ажәлар рмедицина иадҳәалоуп, ихәшәу аҵиаақәа ахьыҵырхуаз џьыкацк ҭадыршәуан, "Адгьыл Аҳкәажә быхә баҳҭеит" ҳәа. Избанзар хәыда-ԥсада ахәшәтәра амч амам ҳәа иԥхьаӡан, уи аџьыка цыра "ахәшәԥса ма ахьаҷаҷԥса" ахьӡын (шәахә. Светлана Наҷҟьебиа лмонографиа).
Афразеологиа аҿырԥштәқәа ааҳгеит Владимир Касланӡиа "Аԥсуа-аурыс жәар" аҟынтә.

❤14👍7
Аҭоурых аҿы иҟамлац арбан
XIX ашәышықәса аҽеиҩшамҭа, Кавказ ауразоуроу еибашьроуп, аурыс ир рнапхгара ирыӡбоит Аԥсны иахьаҵанакуа амшынныҟәара аанкылазарц, Ҭырқәтәылантә, Ҟрымынтә аџьыка, аихаӡа, абџьар аазгоз аӷбақәа ара изкыдымгыло рымҩа кызарц.
Ажәлар аџьыкаҵәҟьа рымҵәар, ҳнапаҿы ишԥамааири ҳәа ихәыцзаап.
Уи моу, 1852 шықәсазы иҭыҵит адҵа, агаҿа ауааԥсыра ақәабқәа дшәыраахәар азин ыҟам ҳәа ахьаҳәоз.
Ҳаҭҵааны ҳрыман, иаҳдыруазар бзиоуп. Уи акы.
Иҩбахаз, аԥсуааи азахәцәеи аабыкьанӡагьы аџьыкаршра атрадициа зынӡа ишырхамшҭцыз аршаҳаҭуеит ари ашәҟәы. Ҩаԥхьа ажәытәӡатәи аџьыкаршра иазыхынҳәит ас ианақәшәа. Убас, 1851 шықәсазы Геленџьик мацара (аԥс. Ԥагра) иқәынхоз ашьхарыуаа ақәаб дуқәа 130 аархәеит ҳәа ахьаныз анҵамҭа нхеит.
Ахыҵхырҭа: Гьаргь Ӡиӡариа "Махаджирство и проблемы истории Абхазии XIX столетия",1982, ад. 46.

Дабы лишить их возможности получать соль из морской воды.
Ҳаҭҵааны ҳрыман, иаҳдыруазар бзиоуп. Уи акы.
Иҩбахаз, аԥсуааи азахәцәеи аабыкьанӡагьы аџьыкаршра атрадициа зынӡа ишырхамшҭцыз аршаҳаҭуеит ари ашәҟәы. Ҩаԥхьа ажәытәӡатәи аџьыкаршра иазыхынҳәит ас ианақәшәа. Убас, 1851 шықәсазы Геленџьик мацара (аԥс. Ԥагра) иқәынхоз ашьхарыуаа ақәаб дуқәа 130 аархәеит ҳәа ахьаныз анҵамҭа нхеит.
Ахыҵхырҭа: Гьаргь Ӡиӡариа "Махаджирство и проблемы истории Абхазии XIX столетия",1982, ад. 46.
Please open Telegram to view this post
VIEW IN TELEGRAM
👍12❤5
Астатистика излаҳнарбо ала, абызшәа иазку анҵамҭақәа зегь раасҭа ақәҿыҭра роуеит араҟа. Уи даара ихазыноуп!
Ашьыжь ҳахшыҩ аԥсы ашьаны ишыҟоу маҷк иҳарҩып. Ҵаҟа иааҳго ажәақәа зегьы ҵакыла ирҿагыло антонимқәа рыцааиуеит, шьоук зынӡа имариоуп, иҟоуп изызхәыцтәу. Аҭакқәа "ҳҵәахит" ҭынч шәхы азышәышьҭырц. Ари ҳзынтәалоу ауардын ус ҟазшьас иамоуп — акы уахкьысыр зегь еицаатуеит, шәгәы шәҽаныз 😌
• Анкьа —аабыкьа
• Аԥаса —акьаса
• Агәыбзыӷ —амҽыӷ
• Агәеилгара —агәлымыҩра
• Аџьабаа —абзабаа
• Аҭбаа —аҭшәа
• Ҵәҩанҵәы —хагәҵәы
• Шарԥазы —хәылԥазы
• Аихаршы —аихаршәы
• Арҭ —акәамԥа
Шәаргьы шәҿырԥштәқәа анышәҵа.
Асахьаҿы: агеи-ашьхеи, Аԥсны ԥшӡа
🧡 Ахьыуардын шәақәтәа
Ашьыжь ҳахшыҩ аԥсы ашьаны ишыҟоу маҷк иҳарҩып. Ҵаҟа иааҳго ажәақәа зегьы ҵакыла ирҿагыло антонимқәа рыцааиуеит, шьоук зынӡа имариоуп, иҟоуп изызхәыцтәу. Аҭакқәа "ҳҵәахит" ҭынч шәхы азышәышьҭырц. Ари ҳзынтәалоу ауардын ус ҟазшьас иамоуп — акы уахкьысыр зегь еицаатуеит, шәгәы шәҽаныз 😌
• Анкьа —
• Аԥаса —
• Агәыбзыӷ —
• Агәеилгара —
• Аџьабаа —
• Аҭбаа —
• Ҵәҩанҵәы —
• Шарԥазы —
• Аихаршы —
• Арҭ —
Шәаргьы шәҿырԥштәқәа анышәҵа.
Асахьаҿы: агеи-ашьхеи, Аԥсны ԥшӡа
Please open Telegram to view this post
VIEW IN TELEGRAM
👍18⚡5❤2🔥1
Зегь раасҭа исахьарку антонимқәа еимхәыцҵас икәалыкәаџьо ҳажәлар рфольклор иалаԥсоуп. Ажәаԥҟақәа, аҭәҳәақәа, ацуфарақәа, ашәақәа рҿы иуԥылоит еихышәшәо, аиҿырԥшра гәылҭәаақәа ирызҳәаны, ма амагиатә функциа анагӡаразы. Аԥсы-абза, ацәгьа-абзиа, ахы-аҵыхәа, амш-аҵх уҳәа зқьыхкыла.
Убас, аԥсуаа ражәа иалоуп ахаҵа-ихаҵа ҳәа (герой-героев; среди мужчин мужчина), абри ажәеицааирагьы ҵакыла иаҿагыло аепитет ыҟазаарын, 83 шықәса раԥхьа ианҵаз "Ар рашәаҿы" иаҳбеит. Уа уи адагьы антонимқәа алоуп:
АР РАШӘА
Аҳаҳаи, амарџьақәа шәеиҵамхан!
Мышкы ииз усгьы мышкы дыԥсуеит,
Аҳаҳаи, нас аԥсра шәацәымшәан,
Ахацәа рхацәа урызхәыц,
Аҳәса рхацәа урзымхәыцын!
Жәафынтә иҭҟьо ушәақь ԥжәаанӡа,
Аҽбыга аҭәа анархуа еиԥшҵәҟьа,
Ирхуа шәнеила, шәеиҵамхан!
Аҳаҳаи, абааԥсқәа, шәеиҵамхароуп!
Зан лымгәарҭа ахаҵара ҭызгаз,
Зынарцә гәашә иҭазгалаз
Аԥсуа хаҵа, аԥсра иацәымшәо!
Ашәара зхылҵыз аҩысҭаа иоуп,
Ахаҵара зхылҵыз нарҭаа роуп.
Агәыӷәӷәара ахацәа рахь уаргылоит,
Агәкаҳара мыждагьы ашәрҭахь уаргылоит.
Еиҭеиҳәеит Алиас Гәынба,
Ианиҵеит Константин Шьаҟрыл,
1941 шықәсазы, Аҷандара
Ашәа атекст зеиԥшроу ала, акрахыҵуеит, XVIII - XIX ашәышықәсақәа рзы иҿиоз аҭоурыхтә-фырхаҵаратә ҳәамҭақәа ирықәлоуп, ма егьа ихьшәаӡазаргьы — Кьаразаа раамҭа иахыгам. Ҳара ҳаибашьраан Аԥсынра зегьы ирылаҵәаз, бзиа иаабо "Аҳаҳаи, амарџьақәа, шәеиҵамхан" ажәлар рҿаԥыц рҿиамҭа иахылҿиааит, ажәлар рпоезиа шьаҭас амоуп (ажәақәеи амузыкеи ҿыц еинрааланы иҩит — акомпозитор Оҭар Хәынҵариа). Абас афольклори автортә аԥҵамҭақәеи ахьеилаӡҩаз аҿырԥштәқәа рацәоуп иҵегь XX ашәышықәсазы, аҿиара-аибарбзиара иатәны.
Асахьа: Оскар Шмерлинг "Кавказ ашьхарыуа ҽыуаҩ", 1893 ш.

🔥13❤4👍4❤🔥2
Иахьа ҳанижьит Витали Шариа — абаҩхатәра злаз ашәҟәыҩҩы, згәы еицҳауаз апублицист, Аԥсназы згәы былуаз, аԥсуа журналистика аӷьацараҿы зааԥсарақәа рацәоу. Аибашьраан арратә корреспондентс аус иуан, иҭижьт уи аҭоурых ккаӡа изныԥшуа ашәҟәы "Абхазская трагедия". Сынтәа 30 шықәса ахыҵит 1994 рзы иаԥиҵаз, иахьа уажәраанӡа редакторс дызмаз ауаажәларра-политикатә газеҭ "Эхо Абхазии". Аҵыхәтәантәи ашықәсқәа рзы алитературеи апублицистикеи еицибон, ажәабжь ссирқәа икалам иҵыҵит, Искандер ипремиа ианашьоуп. Иус нҭырҳәцааны идыруан, ламысла даҿын. Иаалырҟьаны иԥсҭазаара далҵит, гәалсра дууп, макьана ииҳәашаз иман, иажәа ԥхылнадон... Иԥсы ҭынчхааит.
АУАҨЫ
Ауаҩы дажәӡом, ауаҩы дааԥсоит,
Ауаҩы дкарахоит бааԥсыла!
Ашәышықәса амҵан ҭынч днатәоит,
Иԥсы ааиҭакны ҿыц дҩагыларц.
Аха маҷ-маҷ ацәа уи дагоит,
Цәарҭасгьы изыҟалоит адәаӡа.
Ауаҩы дыԥсӡом, ауаҩы дааԥсоит,
Ауаҩы дамхацәоит наӡаӡа!..
Витали Амаршьан, Аҟәа, 1980
🧡 Ахьыуардын шәақәтәа
АУАҨЫ
Ауаҩы дажәӡом, ауаҩы дааԥсоит,
Ауаҩы дкарахоит бааԥсыла!
Ашәышықәса амҵан ҭынч днатәоит,
Иԥсы ааиҭакны ҿыц дҩагыларц.
Аха маҷ-маҷ ацәа уи дагоит,
Цәарҭасгьы изыҟалоит адәаӡа.
Ауаҩы дыԥсӡом, ауаҩы дааԥсоит,
Ауаҩы дамхацәоит наӡаӡа!..
Витали Амаршьан, Аҟәа, 1980
Please open Telegram to view this post
VIEW IN TELEGRAM
😢18👍3❤2
Forwarded from Ахьыуардын
УԤСАДГЬЫЛ УԤСЫ АДКЫЛ
Борис Амҷба иажәеинраалоу иафоризмқәа:
🟠 Аԥсадгьыл малуп, абзиабара уалуп.
🟠 Зыԥсадгьыл цқьа згәы ахым, иан дзыхшазгьы диҭахым.
🟠 Зыԥсадгьыл акы аҵзымԥаауа иоуп ауаагьы иахырымбаауа.
🟠 Иуҭииргьы ухатәы дгьыл, уаламхәаахәҭын уԥсадгьыл.
🟠 Уԥсадгьыл уананым, атәымдгьыл – џьаҳаным.
🟠 Зыԥсадгьыл абираҟ иаҵагыло иоуп аибашьраҿгьы аӷа иҿагыло.
🟠 Аԥсадгьыл – гароуп, ахьӡ аургароуп.
🟠 Уԥсадгьыл уалаҽырба, аха аԥхьа бзиа иба.
🟠 Ар зегьы рхы анҭахо, аӡәы иоуп урҭ еиқәзырхо.
🟠 Аҵысгьы аҭра – иара аҳҭынра.
🟠 Уԥсадгьыл ианаҭахха уиҿагыл аӷа хаха.
🟠 Аҟармаҵыс ҭоукыр аихац, ашәа заҳәашам ишаҳәац.
🧡 Ахьыуардын шәақәтәа
Борис Амҷба иажәеинраалоу иафоризмқәа:
Please open Telegram to view this post
VIEW IN TELEGRAM
❤21👍10
🧩 Ажәахырҿиаара
А́ӡсара (плавать) — ҩ-шьаҭак реилалара ишьақәгылаз ажәоуп, аӡы + ацара́: аӡц'ара → аӡс'ара → аӡсара (букв.: "идти по воде"). Бзыԥаа абыргцәа рахьтә иахьанӡагьы ишәышәуа-ишышуа ацыбжьыҟа алаҵаны изҳәо ыҟоуп ари ажәа. Адаӷьырӡса азыҳәан "даӷьрца" рҳәоит, аганрӡса азыҳәан "ганрца".
Аԥсуаа жәытә-натә аахыс ирдыруа аӡсашьақәа:
🏊🏼♂️
• Жәҩаҭых, напҭҟьа, напҭых — кроль;
• Даӷьырӡса // даӷьрца — брасс;
• Ахиаалаӡсара — баттерфляй;
• Ларӡса // ларӡсеиа — плавание по-собачьи;
• Бӷарӡса, гәырх, еизқәырха — плавание на спине;
• Варала аӡсара, ганрӡса // ганрца — плавание на боку;
• Шьырӡса // шьарца — эстафетное плавание.
Аԥсшәаҿы аӡсара иадҳәалоу атерминқәа ҷыдала иҭырҵаахьеит алексикологцәа Анатоли Хьециеи Оҭар Ӡиӡариеи.
Амшынҭалараан изықәныҟәатәу аԥҟарақәа шәырзыӡырҩыр шәылшоит абра>>
Асахьаҿы иӡса-ӡсоит абакәа

👍18❤3❤🔥2
ИАХЬАҞАРА ҲҲАРАКЫМХАӠАЦТ, ИАХЬАҞАРА ҲШӘАРҬАМХАЦТ.
Абас иҳәон аԥсуа шәҟәыҩҩы, апатриот Борис Гәыргәлиа Аԥсны ахьыԥшымра жәларбжьаратәи азхаҵара анаҭәашьаха аамышьҭахь. Имаз иреиӷьыз Аԥсны ахақәиҭра иахҭнызҵахьаз. Ахәыцҩы иажәақәа.
Борис Алмасхан-иԥа ижәлар дрылагылазҭгьы иахьа 89 шықәса ихыҵуан. Ҟазшьала дуаҩы разын, дқьиан, аха амилаҭ азҵаарақәа рҿы еснагь дыџьбаран, аиаша дадгылан, абџьарлагьы дыхиаӡан — абз зҿоу аҳәа ццышә иҭахӡам.
Арҭ амшқәа рзы, ҳажәлар ргәы анҭынчым, ҳаԥсадгьыл уаҵәтәи аԥеиԥш зеиԥшрахаша аусқәа ианрылацәажәо, аҟамч ԥҵаҵеиԥш иажәа ҿаца аҿааирхарын, уи ахьҳәатәу дыҟазаауан... Даара иҳагу ашла ҟәышқәа дреиуоуп.
Апоет-атрибун иуаажәларратә қәԥареи ирҿиареи иԥсҭазаараҿы еиҟәыҭхашьа шрымамыз еиԥш еидкыланы дырзааҭгылеит ашәҟәыҩҩы Анатоли Лагәлаа ҿыц иҭыҵыз иматериал аҟны. Шәаԥхьарц ишәыдаагалоит абра>>

Иԥсадгьыл ахьаа игәы ҵнаблаауан: Борис Гәыргәлиа игәалашәара иазкны
Ԥхынгәы 20 рзы апоет-атрибун Борис Алмасхан-иԥа Гәыргәлиа диижьҭеи 89 шықәса ҵуеит. Ажурнал "Алашара" аредактор Анатоли Лагәлаа иахьатәи ианҵамҭаҿ дазааҭгылоит Борис Гәыргәлиа ихаҭара, иажәа амч, ижәлари иԥсадгьыли рыбзиабара, ирҿиара...
🙏13❤5
Раԥхьатәи аԥсуа ԥҳәыс-аскульптор Марина Ешԥҳа диижьҭеи 100 шықәса ҵуеит иахьа. Диит лара Лондон, ԥхынгәы 20, 1924 шықәсазы, усҟан уа иҟаз аԥсуа дипломат, аҳәынҭқарратә усзуҩ, ареволиуционер ду Ефрем Ешба иҭаацәараҿы дыԥҳамшны, дыхьӡырҳәаганы.
Марина Ешԥҳа — аскульптор, асахьаҭыхҩы, Аԥсны зҽаԥсазтәыз аҟазара аусзуҩ, Дырмит Гәлиа ихьӡ зху апремиа занашьоу. Заб ишьҭра дхыланы аԥсуаа рмилаҭ-хақәиҭратә қәԥара ԥхьаҟа изгоз, агәеицамк зызҭаз.
Аԥсуа монументалтә ҟазара узалацәажәом лыхьӡ мҳәакәа. Аԥсны акырџьара игылоуп лааԥсара зду абаҟақәа: Гәдоуҭа, Лыхны, Аҟәа, Агәы-Бедиа уҳәа. Лнапы иҵылхит иналукааша ауаа рсахьачаԥақәа, рбиустқәа маҷымкәа. Асовет Еидгыла акультура ашҭаҿы аӡәы ҳәа изықәгәыӷуаз, реиҳа аҭакԥхықәра зцыз абаҟақәеи амедалқәеи зызҿарҵоз лакәын. Баҩхатәрала иналыгӡон.
Марина лнапы злакыз арҿиара аус аҿеиԥш маҵурас дызхагылазаалак аҟынгьы дҵоуран, деилфаҷан, дгәымшәан. Ҩажәа шықәса Аԥсны Асахьаҭыхцәа реидгыла ахантәаҩыс аус луан, 1966 шықәсазы лара лыбзоурала Москва еиҿкаан аԥсуа сахьаҭыхцәа рцәыргақәҵа. Ари акрызҵазкуа ҭоурыхтә хҭысхеит усҟан, ақырҭқәа рҽазҵәылхны ҳрыладырӡҭырц ианаҿқәаз аамҭазы. Лыжәлар ирылиаауаз, аҟыбаҩ зланы иҩаҵхахоз аҿарацәа абӷа рылҭон, дрыцҳаражәҳәаҩын, дрыҵгәаҩын.
Аамҭала Аԥсны Иреиҳаӡоу Ахеилак адепутатс дыҟан, хьаҳәа-хьачарада "Аԥсуаа рысаламшәҟәы" знапы аҵазҩыз дреиуоуп (1977). Илхааныз ирҳәоит ԥҳәысҵас дҟәымшәышәын, дгәыҭбаан, аха ҟазшьалагьы ахырҭәеиԥш деилаҟацаӡа дыҟан ҳәа.
Лбиографиа аҟынтә иаҳдыруа егьырацәам, лҩызцәа ааигәақәа ргәалашәарақәа алаҳамҵозар. Убарҭ ируаӡәкыз ашәҟәыҩҩы Џьума Аҳәба зны илеиҳәазаап, бнысымҩа хатәроуп, амемуарқәа быҩуандаз, ма ианамуӡахгьы мшынҵақәак ҳәа. Иҟаз зегь шыҟаҵәҟьаз ҳәашьа амам, егьыс азыҳәан изаҳҭахузеи ҳәа дааԥышәырччеит лара.
Марина Ешԥҳа лаб хазына идырӡыз, иԥсыбаҩ ахьамадоу аилкаара гәыҵхас ишлымаз лыԥсҭазаара далҵит 2002 шықәсазы. Лыԥсы ахьынӡаҭаз ҟәырҷахала, илзыԥшаауаз ала илахьынҵахаз аҭҵаара даҿын. Ахра еиҩыцәқәа реиԥш иӷьазӷьазуеит аҩыџьагьы ишьхатәылоу Аԥсны аҭоурых аҿы.

👍20❤5
Ԥхынгәы 23 рзы иазгәаҳҭоит жәыни ҿани еидызҳәалаз, зегь раасҭа иқәыԥшу, зегь раасҭа ижәытәу аныҳәа — Аԥсуа Ҳәынҭқарра Адыргақәа рымш. Шәадныҳәалазааит зегьы!
Шықәсырацәала еиқәтәарак ззымдыруаз ҳажәлар рмилаҭ-хақәиҭратә цәқәырԥара иаанагаз аиааирақәа ируакуп Аԥсны аҳәынҭқарратә символиказы азакәан адкылара. Аԥсны абираҟи агерби шьақәырӷәӷәан 1992 шықәса, ԥхынгәы 23 рзы, анаҩс иагьҿыхын, иагьыԥшьан Аԥсны аҵеицәа ршьала.
Иахьа иахашәыршәыруеит зхы иақәиҭу, зхьыԥшымра азхаҵоу ҳаԥсадгьыл. Ҳахьыҟазаалак қәыԥшыгас, хьарԥшгас иҳамоуп. Адунеи иалаԥсоу ҳауаажәлар рхаҭарнакцәа ргәы аздууп, иалаҽхәоит, ишьҭыхны иркуп. Ус иҟазааит наӡаӡа!
Аԥсынтәыла абираҟқәа – ҳанацәа ирсыз,
Ргарашәа иациз, рнапы разқәа зхьысыз,
Ҳтәыла абираҟқәа азгәышьуамызт ахҿа –
Ҩ-сахьак рнын урҭ:
Амра, Амаҿа!
Мушьни Лашәриа
Please open Telegram to view this post
VIEW IN TELEGRAM
👍26❤6🤯1
Ажәытәи аҿатәи реихаҳа-еиҵаҳара бзиаӡаны иааԥшуеит Аԥсны агимн аҟынгьы.
Аҳәынҭқарратә гимн злалаго абарҭ ажәақәа "Кьаразаа рашәа" иатәуп, уантә иаагоуп, шәышықәса инареиҳаны ирхыҵуеит. Ар рашәоуп, ихьыӡрашәоуп. Абри атәы рҳәахьеит аҵарауаа, хаҭалагьы Уасил Аҩӡба истатиа "Страницы жизни Н. А. Лакоба" аҟны.
Кьаразаа, ишдыру еиԥш, 1917-1921 шықәсақәа рзы Аԥсны иахаԥаны иҟаз ақырҭуа меншевикцәа ирабашьуан. XIX ашәышықәсазы амҳаџьырра цәқәырԥа хәашьны уажәи-уажәи иаасуа ҳажәлар анықәнаӡәӡәаа, ҳадгьыл чашәраҟны атәым милаҭқәа ааганы индырхеит, аха "ахақәиҭраз ашьа казҭәаз, Аԥсны азыҳәан ашьа казҭәаз аԥсуаа рыҷкәынцәа" роуп.
Уажәтәи ҳаибашьраан ишԥаҟаз? Нхыҵынтә, мшын нырцәынтә ҳашьцәа ҳавагылеит. Аҭыԥантәи атәым милаҭқәа аҳаҳаи ара ҳаҟоуп ҳәа аӡәыкны рыбжьы дмыргеит, шамаха рҽыдмырҵысит, изцоз цеит, инхаз — "иаиааилак рнапаҿы ҳаҟоуп" ҳәа иԥшын (аӷа идгылаз ҳрылацәажәом араҟа). Анцәа иумҳәан, аха иахьа иаацәгьарахаргьы ус акәхап ишыҟало, аҭоурых ашьҭрақәлара адыруеит.
Аԥсуа Аԥсҭазаареи Аԥсадгьыли рҟынтә иуҭаху алх ҳәа аниарҳәа лакҩакрада Аԥсадгьыл алихит, избанзар:
• Ԥсҭазаарас иҟоу Ԥсадгьылуп (аԥсуа жәаԥҟа),
• Ушьа зықәҭәам адгьыл — ԥсадгьылым, баша нышәуп (аԥсуа жәаԥҟа),
• Аԥсны ақәҵра зҭахыз иԥсра жәбааит (ахҵәарақәа раамҭа иахылҿиааз аԥсуа жәаԥҟа).
🧡 Ахьыуардын шәақәтәа
Шәнеибац, шәнеибац
Аԥсуаа рыҷкәынцәа,
Аԥсны азыҳәан ашьа казҭәаз
Аԥсуаа рыҷкәынцәа!
Ахақәиҭраз ашьа казҭәаз

Telegram
Sputnik Аԥсны
1992 шықәсазы Аԥсны ахьыԥшымра анрыларҳәа, ишьақәырӷәӷәан аҳәынҭқарратә гимн.
Аҳәынҭқарратә гимн — Аԥсны аҳәынҭқарратә символны иԥхьаӡоуп, закәанла иарбоу аҭагылазаашьақәа раан инарыгӡо музыка-поезиатә рҿиамҭоуп.
Агимн атекст:
Агимн атекст:
Шәнеибац, шәнеибац…

👍12🔥2❤1🤯1