Ахьыуардын
1.26K subscribers
1.38K photos
220 videos
1.66K links
Ахьыуардын — аԥсуа бызшәеи, аҭоурыхи, акультуреи ирызку апроект ҷыда. Напбзиа-шьапбзиа ахьыуардын дақәтәоуп. Шәҳацла: ахьы хәыҷуп, аха шәкы ицоит, аӡә дышәҩыкны дҳаԥхьаӡоит.
Download Telegram
Ахьыуардын
Ԥсуаҵасла ахәыҷы иааӡара принцип хадас иамоуп ухылҵ уара уаасҭагьы деиӷьхартә аныҟәара, "дуаҩхандаз" – бзиарас иааҟоу зегь аланагӡоит, еиҳау ыҟам. Ари аҩыза азнеишьа ҳшьа иалоуп, ҳбызшәагьы иалоуп. Аԥеи аԥҳаи рзеиԥш ҵакы "ԥхьаҟа изго" ауп. Аԥа́ – сын "продолжающий…
👶 Ахәыҷааӡара иазку аԥсуа жәаԥҟақәа

• Аӡә иааӡара аӡә даԥсоуп.

• Ахәыҷы аҩны ишьҭихуа ауп агәашә иҭиго.

• Ахәыҷы данхәыҷу иурбаз ауп ииҵо.

• Ахәыҷы ушьамхы дахысаанӡагьы дыбжьалатәуп.

• Ахәыҷы ушьамхы дықәуртәар, уԥаҵа дахьынҳалоит.

• Агара игароугьы инапқәа иуҭар, аҟьара далагоит.

• Ибзиахаша ихәыҷралагьы дудыруеит.

• Зегьы идыршәо ахәыҷы дшәаргәындахоит.

• Амҩан ииз Мҩаду ихьӡырҵеит, ашьха ииз Ахра ихьӡырҵеит.

• Иахьа деиҭымуп ҳәа уихымччан.

• Уԥҳа умал еиԥш дыхьча.

Шәаргьы иацышәҵа.

Ахыҵхырҭа: Кәыҷа Лакрба, Мушьни Миқаиа, Олег Шамба рышәҟәқәа рҟынтә

#ажәаԥҟақәа

🧡 Ахьыуардын шәақәтәа
Please open Telegram to view this post
VIEW IN TELEGRAM
👍203
This media is not supported in your browser
VIEW IN TELEGRAM
АШЬХА АԤХЫН ШАРԤАЗЫ

Аҵхгьы неиуан ԥшьала-ԥшьала,
Амзагь цәышхо иҭаауан;
Хыхь еҵәацқәак уаҟа рхала,
Рыбла ҭхаха илбааԥшуан.

Арҩаш гәрымуа аҩхаа иҭысуаз,
Ахра ашыкьбыжь аҿатәан;
Абахә дуқәа уа иҟаруылуаз,
Анаҟәоуқәа ирыҵа игылаз,
Ҳауа хьшәашәак аарҿаҳәуан.

Уа каԥкаԥкгьы аарла-аарла,
Аршәаа ҵрыхәҵәа уаҳауан;
Иаҭахымзаргь аҵх ашара,
Шьҭа иҭаалымуан аԥсабара,
Ашьха рықәцәагь хыблаауан.

Заур Быҭәба, 1963

#алирика

🧡 Ахьыуардын шәақәтәа
Please open Telegram to view this post
VIEW IN TELEGRAM
👍183❤‍🔥2
This media is not supported in your browser
VIEW IN TELEGRAM
Рашәара́мза, Цуны́ҳәамз, Кәы́ркәа хәҷы ҳазҭоу амза ахьӡқәа роуп, урҭ инарываргыланы ҷыдала аӡбахә ҳәатәуп даҽакгьы: Ацача́н // Ацачара́мз пора созревания черешни; июнь.

Аца, абзыԥқәа рҿы "ац'а" – уажәааны иҟало, ҳадгьыл иатәышьҭроу, ажәытәӡаӡа аахыс аԥсуаа-адыгаа ирдыруа, еихарҳауа шәыруп. Хкырацәала иуԥылоит: аԥсуаца, ацаҟаԥшь, ацашкәакәа, ацеиқәаҵәа, ацеихаҳа, ацакәымпыл, абымбылаца/абымбылышьца, амзараца (ишкәакәоуп), ачанас аца, мамзаргьы ачанахца, ацаҵәҵәы, ацасса, ацаша, абнаца.

Амала ҵлажәлак аҳасабала иара амшьҭа цәгьоуп ҳәа иԥхьаӡоуп, абаҳча акалҭахь еиҭарҳауан, аҩнаргыларазы рхы иадырхәомызт ишәиуеит рҳәон. (Аҳаи аҵәеигьы ргыларатә маҭәахәыс иркуамызт, урҭ зымшьҭа бзиоу шракәугьы).

🍷 Аҳаԥшьа аҩы анҭарҭәо аца ацәа хдыршәлоит, иарҵәыҵәуам, агьама ҿышаны иҟанаҵоит ҳәа (для придания терпкости).

🍒 Аца ақәцәан иашахоит. (Ажәаԥҟа)

Аца́ԥшь — ашәарыцаратә бызшәала иаанагоит "амра" (горячее, искрящееся).

🧡 Ахьыуардын шәақәтәа
Please open Telegram to view this post
VIEW IN TELEGRAM
👍14😍42
Ажәабжьқәа аԥсышәала ишәазҳәало хкы-хкыла — иахьарнахыс иаартуп Sputnik Аԥсны аҳәынҭқарратә бызшәала ицәажәо ателеграм канал!

Ҳтәылеи уи анҭыҵи иҟоу-иану ахҭысқәа иааиламырцҳаӡакәа, "ицәҟәыншьаны", иласкәантраӡа. Иара убас, хра злоу агәаанагарақәа, ахҳәаакәа, асахьақәа — зегь рыла ҳҽеибаҳҭеит. Гәахәарыла шәааҳаԥхьоит.

Бзиала шәаабеит иҭало зегьы:

🟠 @sputnik_apsny_info

🧡 Ахьыуардын шәақәтәа
Please open Telegram to view this post
VIEW IN TELEGRAM
16👍7
Аԥсны анҭыҵ дыҟаны Аԥсны ахьӡ ҭызгоз уаҩы лашан Еҭери Басариа - аԥсуа исамарҭал адунеи иазырдыруаз ашәҟәыҩҩы, аиҭагаҩ, апублицист, алитератураҭҵааҩ. Зықәра кьаҿны имҩасыз, аха арҿиаратә мазара ду зҭынхаз, дҳалагылазҭгьы сынтәа 75 шықәса лхыҵуан.

Еҭери Басариа диит Кәтол ақыҭан, аамысҭашәара иахаҿраз ауаа хатәрақәа ахьгылахьаз аҩнаҭаҿы. Лаб, лабдуцәа унеишь-уааишь ҳәа зарҳәоз, зажәа ԥхылнадоз хацәан. Ларгьы дшыхәыҷыз аԥсуаразы лгәыбылра ӷәӷәан. Заԥхьаҟа аҳақьымхара иазхәыцуаз аӡӷаб (аҵара бзиаӡаны илҵон), ашкол данҭаз инаркны ажәлар рҿаԥыц ҳәамҭақәа еизылгон, аныҳәаҿақәа, аҭоурых жәабжьқәа анылҵон. Арҭқәа зегьы анаҩс лырҿиараҿы ицхыраагӡахеит, ҳәарада.

Иреиҳау аҵара Москва далгеит: МГУ (1972), Алитературатә институт (1973). Раԥхьатәи лажәабжьқәа анылон атәыла ду аҳҭнықалақь аҿы иҭыҵуаз, зегь раасҭа изыԥхьоз апериодикатә кьыԥхь: ажурналқәа "Юность", "Смена", "Литературная Россия" уҳәа. Лбаҩхатәра узгәамҭо иҟамызт, СССР Ашәҟәыҩҩцәа реидгыла даналарҵоз 30 шықәса ракәын илхыҵуаз.

Еҭери Басариа дыҩуан урысшәала, лҩымҭақәа зегьы Аԥсни аԥсуааи ирызкуп. Лахьынҵала илызшан лыԥсҭазаара аӷьырак аԥсадгьыл анҭыҵ анхара, аха гәыла-ԥсыла еснагь ара дыҟан, аратәи амра дацгылон, дацҭашәон. Аибашьраан зкалам мцы зымҳәаӡо абџьарс изкыз дреиуан, амца иалагылаз рлакҭа ллакҭан, ргәаҭа лгәаҭан.

Аԥсны агәхьаагара рныԥшуеит лышәҟәқәа. Аԥсабара аԥшӡара, абеиара, аԥсуа иҟазшьа, ихәыцшьа, инхашьа, ифилософиа - абарҭқәа рыла иҭәуп лырҿиара зегьы.

Лырҿиара ҟәышра згым анарха дуӡӡоуп, ус ажәак-ҩажәак рыла ахҳәаа узыҟаҵом. Иаԥхьахьоу насыԥ имоуп, иамыԥхьац - насыԥ изыԥшуп. Жәохә шәҟәы лнапы иҵыҵит. Аԥсшәахь еиҭагоу лҩымҭақәа маҷгәышьоуп, аиҳабыратә абиԥара рахьтә деиҭаргон Алықьса Гогәуеи Терент Ҷаниеи. Иахьа алитература амхурсҭа иҭоу аҿар абри аус иазхьаԥшыр бзиан, дара рзгьы аԥсуа литературазгьы.

Лара лхаҭа аурысшәахь еиҭалгеит Витали Амаршьан ироман "Аԥсҳа", Баграт Шьынқәба ироман "Ахаҳә еиҩса", Геннади Аламиа иажәеинраалақәа — ааи, апоезиагьы лыцааиуан. Аԥсуа шәҟәыҩҩцәа дрыхӡыӡаауан, уажәи-уажәи уеиҭарзыхынҳәларц уҭаххоит Иуа Коӷониа, Таиф Аџьба, Даур Занҭариа уҳәа абаҩхатәра ԥшаахқәа ирзылкыз астатиақәа.

Лыуаҩышәа ԥшӡан, ааԥынтәи амрахәагеиԥш дхаан, аччаԥшь лнаалон. Амза иаҳамбо аган еиԥшгьы аҽумырдырӡакәа хьаак ацәаара лҿықәбалон. Лыԥсҭазаара далҵит 2013 шықәсазы лцәа иалаз макьана хәшәы змам ачымазара иахҟьаны, 63 шықәса лхыҵуан. Аԥснеиԥш, уа Киев дахьыҟазгьы аинтеллигенциа, ашәҟәыҩҩцәа раҳәшьак леиԥш ргәы далырхит. Лыԥсаҭа бзиазааит. Хашҭра лықәым!

🧡 Ахьыуардын шәақәтәа
Please open Telegram to view this post
VIEW IN TELEGRAM
👍144
Ахьыуардын
Аԥсны анҭыҵ дыҟаны Аԥсны ахьӡ ҭызгоз уаҩы лашан Еҭери Басариа - аԥсуа исамарҭал адунеи иазырдыруаз ашәҟәыҩҩы, аиҭагаҩ, апублицист, алитератураҭҵааҩ. Зықәра кьаҿны имҩасыз, аха арҿиаратә мазара ду зҭынхаз, дҳалагылазҭгьы сынтәа 75 шықәса лхыҵуан. Еҭери Басариа…
This media is not supported in your browser
VIEW IN TELEGRAM
Еҭери Басариа лгәы цых-цыхуа дшыҟаз узырбо архивтә анҵамҭа.

Иаагоуп Екатерина Бебиаԥҳа ашәҟәыҩҩы илзылкыз адыррҭара аҟынтә: "Ажәҩан аԥсаатә рзы" (ус ахьӡын раԥхьатәи лара лышәҟәы).

▫️ Ишеибгоу шәахәаԥшырц шәылшоит абра>>

▫️ Лҩымҭақәа реизга ҩ-томкны иҭоуп абра>>

🧡 Ахьыуардын шәақәтәа
Please open Telegram to view this post
VIEW IN TELEGRAM
👍155
Рашәарамза 6, апоет ду Александр Пушкин даниз аҽны иазгәарҭоит Аурыс бызшәа амш. Аурысшәа иахьа — адунеи ҳазладыруа, адунеи злаҭаҳҵаауа абызшәақәа раԥхьа игылоуп, бжеиҳан аҵара злаҳҵо иаралоуп (иаҳҳәа-иаҳӡа), ҳтәыла аҩнуҵҟа ахархәара ԥкым, аофициалтә статус амоуп, жәларыкны ҳазыразуп.

Ҭоурыхла аурысшәа анырра ҟанаҵо иалагеит XIX ашәышықәсазы, Аԥсны Аҳра Урыстәылатәи Аимпериа ианадла инаркны (1810). Абызшәақәа еиҿцаауан зны ҿырҳәала, нас ҩыралагьы — ашколқәа анаат, акьыԥхь анцәырҵ нахыс.

Аурысшәа аҟынтә аԥсшәа иалалаз ажәақәа реиҳарак ауаажәларра-политикатә терминқәоуп. Аԥхьа ҿырҳәала аԥсшәа иарсаз алексика акыр аоригинал иацәыхаран, ауааԥсыра аурыс бызшәа ахьырзымдыруаз аҟынтә. Наҟ-наҟ аҵара змоу рхыԥхьаӡара иазҳацыԥхьаӡа, ашәҟәы-быӷьшәы алаҵәацыԥхьаӡа аҩраҿгьы аҳәараҿгьы еиԥшхо иҟалеит. Иаагозар, ажәа "солдат" аԥхьа "асала́нт" ҳәа иалалахьан, нас иахьа ишаҳҳәо еиԥш — "асолдаҭ" ҳәа.

Ус шакәугьы, аурысшәаҟынтә аԥсшәа иалалаз алексика аӷьырак интернационалтәуп, апроцесс зегь раасҭа иҿианы ианымҩаԥысуазгьы асовет аамҭазоуп. Заатәи ажәамԥсахқәа рҟынтә аинтерес зҵоу аҿырԥштәқәа иреиуоуп абарҭ:

Асамԥа́л "курок" — самопал
Акасы́ — косынка
Адиуа́л — дуэль
Абаӷәлачы́н — благочинный
Атауа́р — товар
Ауа́тка — водка
Ара́д — ряд

(иааҳгоит абызшәадырҩы Борис Џьонуа ишәҟәаҟынтә: "Заимствованная лексика абхазского языка, 2002)


Аурысшәа иаҿаҳҵааит ахатәы хьӡқәа рҿы иаҳԥыло арԥшқаратә суффиксқәа -ик, -чик, -ка (Ардучка, Уанчка, Зурчик).

Алексика адагьы аурысшәа анырит ҳбызшәа афонетика, афонологиа, асинтаксис. Аҳәоуртәашьақәа рҽеиҭакра зегь раасҭа иааԥшуеит аофициалтә стиль аҟны, еиҭагоу алитератураҿы. Аинтонациа акәзар, ақалақь ҳаҟәыҵып, ақыҭаҿгьы абдуцәеи амоҭацәеи рабиԥарахь иаҵанакуа еиҿурԥшуазар, рыбжьы аҭгашьақәа еиԥшӡам (аизараҿы ақәгыларақәа, ахцәажәарақәа рыла иаабоит).

Аԥсуаа ҩба-хԥа бызшәа анраҳауаз аамҭақәа ыҟан уаанӡагьы. Иахьа аԥсуа-аурыс билингвизм ҳамазар, XIX ашәышықәсанӡа аԥсуа-аҭырқәа билингвизм аԥын, ХХ ашәышықәса аҽеиҩшамҭазы аԥсшәеи ақырҭшәеи / агыршәеи еиԥшны издыруаз ауаа рацәаҩын. Аха иахьаҟара ҳхатәы бызшәа аҳәара ҳақәиҭны аԥсҭазаараҿы ахархәара анмаҷыз ҳәа даҽа аамҭак ҳаздырӡом.

🧡 Ахьыуардын шәақәтәа
Please open Telegram to view this post
VIEW IN TELEGRAM
👍10👏52
This media is not supported in your browser
VIEW IN TELEGRAM
Аԥсуа диаспораҿы еиҭарҳәо ацуфара ссирқәа

(Руслан Гәажәба ишәҟәы "Аԥсны – ҳаб игәара..." аҟынтә)

🟠 Ардын-ардын шьапы зҵоу, адыӷаџьа тәыҩа зхоу. Арба(ӷь)

🟠 Мардак аҿы шьаԥшь каҭәоуп. Аҵыҵындра

🟠 Аҳ иаҭәа, ала(а)* иаҭәа, ҳәызба мыркы, еишәа қәымҵа. Акыках(ш)

🟠 Суасақәа рҭыӷь заҵә. Аеҵәақәеи амзеи

🟠 А́мыӷра иларшәуп, аалх уаԥшыр – ацәа ҟаԥшьуп, аҩнауҵҟа – шкәакәауп. Ахьа

🟠 Зҷапан хырымҵәаз хаҵеи ԥҳәысыи закәқәада? Аадеми Ҳаууаи (Евеи)

🟠 Хәҷык дсымауп, дхынҳәы-ӡынҳәуа дыдухоит. Адарды

🟠 Хәыԥштәы-хәыԥштәы зҽаилазҳәоо, иааԥымҵәаӡакәа игәырӷьоо. Ашәҭыцқәа

Шаҟа цыуарфага жәдыри? 🙃

📖 Аҳ, ала́а // ала́ацәа; а́ҳи-ла́аи — князь и его приближенные; царь и его свита

◽️ "Ала́ацәа" ажәа ихы иаирхәон абызшәадырҩы Виачеслав Бганба Жәлар Реизара "адепутатцәа" рзы.

🧡 Ахьыуардын шәақәтәа
Please open Telegram to view this post
VIEW IN TELEGRAM
👍152
Ахьыуардын
Аԥсуа диаспораҿы еиҭарҳәо ацуфара ссирқәа (Руслан Гәажәба ишәҟәы "Аԥсны – ҳаб игәара..." аҟынтә) 🟠 Ардын-ардын шьапы зҵоу, адыӷаџьа тәыҩа зхоу. Арба(ӷь) 🟠 Мардак аҿы шьаԥшь каҭәоуп. Аҵыҵындра 🟠 Аҳ иаҭәа, ала(а)* иаҭәа, ҳәызба мыркы, еишәа қәымҵа. Акыках(ш)
Аҳи-лааи зегь анҽыжәҵ Чаампашә хәыҷы дҽыжәымҵит ҳәа — ажәаԥҟаны ианиҵахьан Шьалуа Инал-Иԥа (Спешились все — и владетель, и свита, только ничтожный Чаампашв не сошел с коня).

Абри авариант цуфарасгьы иҟазаап, ашәҟәыҩҩы Мушьни Миқаиа Тур ихәы еизигақәаз ирылан: "Ар зегьы ҽыжәҵит, џьандар хәыҷы ҽыжәымҵит". Изыхҳәаау — зыбӷьы арба-ика еиԥш иҭырффаӡа иҟоу аҵиаа адыӷаџьа ауп. "Иҽыжәымҵит", избанзар ҭагалан аҵлақәа рыбӷьы анкаԥсо, иара абӷьы ҿышәшәаӡом, ишыиаҵәоу иаанхоит. Аԥсабареи аԥсуааи! ❤️🌳🌿

🧡 Ахьыуардын шәақәтәа
Please open Telegram to view this post
VIEW IN TELEGRAM
14👍7
Гьечаа хьыӡкамшәа дуқәа рҭыԥҳа,
Бара, урҭ раҳкәажә Гәыли Кьычба.
Аибашьра иацума ахаангьы лыԥха,
Маӡа акала бгәы бҟычлап.

Гәаҟреи лабжыши бара брызмырхәеит,
Аибашьра ацасаз ибуашәа ашьа.
Бгәы зырҟәандашаз ашәакгьы сзымҳәеит,
Аибашьреиԥш, уигьы мариам, саҳәшьа!

Бҿаԥхьа гәаныла есымша схырхәоит,
Анацәа шәызхәыцра са санҭашәо.
Снаԥшын, агәырҩа бнапала ибырхәоит,
Быршазар акәхап бызшаз оумашәа.

Гьечаа хьыӡкамшәа дуқәа ирхылҵыз
Иахьагьы иџьасшьоит сара бҟазшьа.
Анацәа, згәырҩа згәы изҭымҵыз,
Ибуазар убарҭ рзынгьы бшьа?

Аибашьра шәиԥхьыӡ ду ацыз,
Анреи аԥареи – насыԥаз ишоуп.
Амшқәа ибызшо агәырӷьара бзацыз,
Гьечаа рҭыԥҳа – зегьы бҳаҳәшьоуп!


Виктор Кәакәасқьыр

Иахьа илымшироуп зхаҭара ӷәӷәоу, здоуҳа ҳараку, зыԥсадгьыл иаԥҳау, зџьабаа рацәоу, "Ахьӡ-Аԥша" аорден II аҩаӡара занашьоу ауаажәларратә усзуҩ, аԥсуа ан-агәеицамк Гәыли Кьычԥҳа. Гәык-ԥсыкала ҳлыдныҳәалоит! Лықәра ԥшӡа далагәырӷьааит, агәабзиара лымазааит! 🌹🌹🌹

Агәамч ду зыӡрыжәуа аиха аҵкыс иӷәӷәоуп, Имажәуа, еицамкуа ламысла ихыхәхәоуп!
Баграт Шьынқәба

🧡 Ахьыуардын шәақәтәа
Please open Telegram to view this post
VIEW IN TELEGRAM
15👍7
Ашьхарыуа диалект ажәақәа, мамзаргьы шаҟа ибеиоузеи ҳбызшәа!

▫️Арахәыц - аха́ц
▫️Аҿаҳа-ҿас, зҿы акуа - абызкна́ҳа
▫️Аҽага - ашәа́га
▫️Аҩнаргәы - аҽхъҵа́, аҿышәа
▫️Адашьма - аӷәҽыхҵá
▫️Ачуан - аҟәшәа́ (ашәарыцаратә бызшәа иалоуп)
▫️Адәкаршәра - аҳәáҟьа (Доу аҳәаҟьа Аԥсны иуԥыло ҭыԥхьӡуп, Ашәы Данаҟаи иҽыбжьарҭа)
▫️Мшаԥымза - ҽахьа́мз (апрель, букв.: "месяц рождения оленят")
▫️Ахәырбӷьыц - хәраҭахәшәы́
▫️Аӡиас - аӡы́ҩ
▫️Амҩахәасҭа - амҩа́шь
▫️Аԥшаӡлагара - аԥша́лыу
▫️Аҩнеихагыла - аҭӡе́иқәгыла
▫️Ацуфара - ақыҭҷа́
▫️Ацәарҭӷәы - амҿтәа́ра
▫️Аҽӡара - ақәа́сара "дқәас-қәасуа"
▫️Аццакра - агәа́ҟра, ажәа́жәара "узыргәаҟуеи"

▫️Ӡиуоу - Ӡиуара
▫️Ахаҳә аршәра - Ахаҳәырԥара
▫️Аӡха агара - Аӡы аха́лара (аҭаца ҿыц раԥхьаӡа аӡы анлаадырго аныҳәара)

#асинонимқәа

🧡 Ахьыуардын шәақәтәа
Please open Telegram to view this post
VIEW IN TELEGRAM
👍176
Аԥсны жәлар рџьынџьтәылатә еибашьраан хатә гәаԥхарала иааны зашьцәа ирывагыраз аҟабарда ҷкәын Хадис Масаев (1964-1993) иԥсы ҭазҭгьы иахьа 60 шықәса ихыҵуан.

Хадис изҳауан ахәыҷы рацәа еиҵаҩҩы иахьааӡоз аҩнаҭаҿы - хәҩык аишьцәеи раҳәшьа заҵәи ахьыҟаз иара дгәыбжьанытәын. Деилыххан, игәы разын, ҟазшьала зегьы дырнаалон. Аиашьа ижәҩахыр, аицхыраара иамчу дышхәыҷыз игәникылахьан.

Аррамаҵура Афганистан ихигеит уаҟа аибашьра анцоз аамҭазы. Ахаҵа дызқәымшәо егьыҟам рҳәоит, акыр агәаҟрақәа ихигеит. Дызҭаз а-БМП аӷа ихымца аахан дахәит, дызҭымҵӡакәа дрытҟәеит. Аха иҽҵәылхны абналара илшеит автоматқәа ҩбагьы алԥааны.

Аԥсны аӷа дшақәлаз аниаҳа, иҩызцәа агәеиҿамсқәа дрыцны арахь дааит. Гагра ахақәиҭра далахәын, Ԥсоу Аԥсны аҳәаанӡа днаӡеит. Анаҩс Гәымсҭатәи афронт ахь диасуеит, апозициақәа рҿы деибашьуеит. Аамҭак ашьҭахь иара дызлаз Гена Карданов ирҟәша Мрагыларатәи афронт ахь ииаргеит. Хадис Масаев Маркәылеи Ԥақәашьи рхы иақәиҭитәуан, еснагь аԥхьа игылақәаз дыруаӡәкын, аус аҿы ихы ааирԥшуан, ахаҵара илан.

1993 шықәса ажьырныҳәа 13 рзы Ахәыри аидыслараҿы ахәра ӷәӷәа иоуит, вертолиотла Нхыҵҟа дрышьҭит. Уа дахьнаргаз (Черқьесск) аҳақьымцәа ирылшоз ҟарҵеит, аха аибашьҩы гәымшәа иԥсы рзеиқәмырхагәышьеит.

Аԥсны ахақәиҭра иазықәпоз Хадис Масаев Леон иорден ианашьоуп. Ихьӡ кашәара ақәым! Ишьҭра змырӡша ҩыџьа аԥацәа иҭынхеит.

🧡 Ахьыуардын шәақәтәа
Please open Telegram to view this post
VIEW IN TELEGRAM
🙏178
Ахьыуардын
Аҭоурыхтә-фырхаҵаратә ашәақәа ирылџьџьаауеит быжьҩеишьцәа Самахьхәаа змыхәаз, афырҭын еиԥш иаарылагьежьыз асаӡ Кәыџ Капыта иашәагьы. Ажәлар ишьҭырхыз афырхаҵа ихьӡ зхаршалоу адунеи аҿы зегь раасҭа иласу ԥсаатәзаап (сокол сапсан). Уамашәақәа ианаалон ицәаҩа!…
Амч аҵкыс ахшыҩ аиааиуеит, аха аҩбагьы анеицу зынӡа ибзиоуп. Ҵаҟа иааҳго ажәабжь асиужет адагьы асоциалтә контекст даара аинтерес аҵоуп — ХVIII-XIX ашәышықәсақәа рзы ажәлақәа шеидгылоз, ажәлар рыҽшдырӷәӷәоз унарбоит:

Кәыџ Капытеи иашьцәеи


"Кәыџ Капыта еицырдыруаз аԥсыуа хаҵан. Ихьыӡ-иԥша ихаҵәаны иҟан, ҳаҭыр ду иқәын. Жәаха ԥсыуа жәлеи иареи еишьцәас еибаҟаҵахьан, геи-шьхеи рзеиԥшын, иеицныҟәон, иара ԥхьагылаҩыс дыҟан, илеишәагьы цәгьа иџьбаран.

Ус аамҭа шцоз, иара еишьцәас иҟаиҵаз иара иҿагылоушәа иалагеит. Уи игәамԥхеит. Мышкы даарыԥхьан, дрылацәажәарц иҭаххеит. Иара Капыта, имахә-ишьахә, имч даара дыӷәӷәан, ӷәӷәаӡак иакәын. Иара, еишьцәас еибаҟаҵахьаз жәахаҩык ахацәа анаа, Капыта итаруа ҵла дук ааирхәан, ақәцә ааниикылан, ирхәаны иикыуп ани аҵла.
– Абра аҵла ақәцә шәкы, – ҳәа ианааныркыла, иара иоуижьит.

Дара аҵла ақәцә ирхәаны ирызнымкылаӡеит, аҩада иханагалеит. Нас "ҳалбаага уара, Капыта" ҳәа аҳәҳәара иалагеит. Капыта еиҭа даалаган, аҵла ирхәан, илбааигеит. Нас иааизиган:
– Даҽазны ацҭәы ҟашәымҵан, ҳшеишьцәоу еишьцәаҵас ҳаҟазааит! – иҳәеит.

Арҭ ажәлақәа иахьагьы аишьцәа реиԥш ҳаҟоуп. Ажьрацәара еилаҳгаӡом, ҳахьшьцәа [ҳаҳәшьцәа — адм.] ԥҳәыс иргаӡом, ҳаргьы убас".

Еиҭеиҳәеит Акын Кәыџба,
Ианиҵеит Руслан Гәажәба, Аҟәа, 1997

🧡 Ахьыуардын шәақәтәа
Please open Telegram to view this post
VIEW IN TELEGRAM
👍15
Аԥсны зҽаԥсазтәыз арҵаҩы, Ахьӡ-Аԥша аорден II аҩаӡара занашьоу Аделаида Қапԥҳа иахьа 95 шықәса лхыҵит, урҭ рахьтә 70 инареиҳаны аҵара-ааӡара аус дазааԥсоит.

Аделаида Қапԥҳа диит Гагра ақалақь, лыԥсҭазаара зегьы Гагратәи 2-тәи абжьаратә школ иадҳәалоуп. Ставрополь арҵаҩратә институт далганы данаа ашкол аҿы аматематика рылҭон, нас 30 шықәса ааԥсарада директорс аус луан, анаҩс ашкол амузеи дахагылеит.

Уи амузеи аԥҵареи аартреи (1989) лара илыбзоуроуп, хәыц-хәыц аматериалқәа еизылгон, ашкол аушьҭымҭацәа нагақәа рыӡбахә зҳәо, Аԥсны аҭоурых зныԥшуа.

Арҵаҩра — џьабаауп, иагьбаҩхатәроуп, есҽны ахы аус адулара аҭахуп, амаашьара аҭахуп, агәыбылра, ауаҩԥсбзиабара ацзароуп. Арҭқәа зегь рыла дҿырԥшыганы, ауаажәлар рҿы лыпату ҳаракны, абиԥарақәа инеимда-ааимдо инаргалаша ахьӡ лчаԥеит Аделаида Қапԥҳа. Ашколхәыҷқәа алегенда ҳәа илышьҭоуп, ҳан ҳәа ларҳәоит.

Ауаҩы инысымҩа еснагь икаххаа, шәҭыла иҭалаҳаны ишьҭам, доус изшоу ауадаҩрақәа, агәаҟрақәа дыриааины дцалароуп. Зус хырҳага иаҿны абас ақәра ду назго, хымԥада, ажәлар рыгәҭа дныҳәоуп. Гәыкала лымшира лыдаҳныҳәалоит. Агәабзиара ланашьазааит, Аԥсынра дагымзааит!

Аделаида Қапԥҳа илызку инеиҵыху анҵамҭа шәаԥхьар шәылшоит абра>>

🧡 Ахьыуардын шәақәтәа
Please open Telegram to view this post
VIEW IN TELEGRAM
👍184
📌 Ажәа бзиоуп

Аԥҳәасамҭҟьа́л
, мамзаргьы а(ԥ)ҳәасаршьшьы (алычовая пастила-лаваш) – аԥҳәаса иржәпаны иршны, аӷәы иқәҵаны идырҩо; акәамаҵама рацәоуп, аха даара ихаауп.

Ирҩаны ирҵәахуа аԥҳәасамҭҟьал ианаарҭаххалак аӡыршы налаҭәаны, аххылақәа аҭаны асыӡбал алырхуеит. Иаразнак аххылақәа аҭаны иандырҩогьы ыҟоуп, усҟан архаагасгьы ицоит — иаҳҳәап, аҟәыдырца ахьыҟауҵо, ма аҟәыд ахьучаԥо, ҽыҭк аамхны иалауҵоит.

Аԥҳәасамҭҟьал Аахыҵ Кавказ амилаҭқәа ирдыруа фатәуп, егьырҭ ашәырқәа реиԥш ирҩаны, ирԥшӡаны баҵас ирҽы-рҽны ирҭиуеит аџьармыкьақәа рҿы, (аԥсшьацәа рзы бжеиҳан ашьақар арҭоит).

▫️ Ажәытә ҳандуцәа асыӡбал (аҵәҵәыра) аныҟарҵоз, аԥҳәасеиларш алыхәҭа џьаџьа икылырхуан, аржәпаразы, агьама арбзиаразы ахарҵәы аларҭәон, иара убас мҳаҵәк аҟара ашыла аларԥсон агәӡа бырфын лыхәҭала ихәны. Аԥҳәаса аҵаатәы ахьалҵуа адагьы, аӡы иӡаашьны амраҿы ирҩаны ирҵәахуан гәырхаагас, уи Аԥҳәасаркҷы́ ҳәа иашьҭоуп (сушеная алыча, "сморщенная").

Аԥҳәаса иалҵуа афатәқәеи ахәарҭареи дрыхцәажәеит афольклорист Сусанна Ҭаниаԥҳа абри ланҵамҭаҿы>>

🧡 Ахьыуардын шәақәтәа
Please open Telegram to view this post
VIEW IN TELEGRAM
Please open Telegram to view this post
VIEW IN TELEGRAM
👍145
Ахьыуардын
"Иахьатәи амш, 27 ԥеруал, ҳара аԥсацәа ҳзы даара мыш дууп, ныҳәоуп, аныҳәақәа зегьы иреиҳауп: иахьа иҭыҵт иахьа уажәраанӡа аԥсышәала иҟамлаӡацыз аԥсуа газеҭ, "АԤСНЫ" ҳәа хьӡыс иаманы. Аԥсышәала аҩреи аԥхьареи ыҟаижьҭеи абар 60 шықәса ҵырц егьагым, аха аԥсышәала…
Дырмит Гәлиа ишықәс ҳҭоуп, дҳацәажәааит. Иахьазы 105 шықәса зхыҵуа, аха еснагь иҿыцҳараӡа иҟоу, абзиарахь узырԥшуа, угәы уҽанызҵо ажәа:

Иарбан милаҭзаалакгьы, акы ҳаԥсанда, мчык ҳаманы, избалакгьы цҳас ҳҟаҵаны иаҳхысны имцандаз ҳәа згәы иаанагауа еидгылароуп, рхы еидыркылароуп, рҳәоу еиқәдыршәароуп, ражәа еицнеиуа иҟарҵароуп. Ас зҽыҟазымҵаз амилаҭ есқьынагьы илаҟәуп, имчыдоуп, избалакь тәыс иҟарҵоит.


Абар ижәбоит уажәы заҟаҩ ҳаҟоу. Ҳара иаанхаз ахәыҷгьы ҳбызшәа дук ҳаҭыр ҳзақәым, ҳбызшәала аҵареи аԥхьареи дук ҳашьҭам, ҳҳәатәы еицнеиуам, ҳамч еибаҳҭом... Иаарласны егьырҭ амилаҭқәа реиԥш ҳамҿыхар, ҳбызшәа аҵара ҳаламгар, ҳара аԥсацәа ҳтәы егьыҟам, егьырҭ амилаҭқәа ҳрылаӡҩахоит, ҳабжьаӡуеит, ҳаиасуеит. Ҳҭыӡшәа, анкьа Аԥсны абра акәын иахьыҟаз, аԥсацәа абра инхон ҳәа аҭоурых ашәыҟәқәа рҿы иаанхоит. Абригь ма аԥсыуак иауаниҵахра, тәым уаҩык иакәхап, иҟаз аиаша хара дацәгыланы, иара игәы ишыԥнаҟауа ианиҵашт...


"Мчыс иҟоу еидгылароуп" астатиа аҟынтә, ианылеит агазеҭ "Аԥсны" №12, рашәарамза 1919 ш.

▫️ 1919-1921 шықәсқәа рзы иҭыҵуаз агазеҭ раԥхьатәи аномерқәа иара ихала заҵәык ианеиқәиршәоз ыҟан, еиуеиԥшым апсевдонимқәа иман, ирацәоуп зынӡа ихьӡ аҵаҩымкәа инижьуазгьы.

▫️ Дырмит Гәлиа ихатәы бызшәа анаҩс аурысшәеи ақырҭшәеи бзиаӡаны идыруан. Уазхәыцыр, асовет аамҭазы, ажәларқәа зегь анеишьцәаз, тәым бызшәалагьы асахьаркыратә ҩымҭа аԥҵаны Аԥсны анҭыҵ аԥхьаҩцәа дрылаҵәар илшон, аха уи ихгьы иҭашәозма: қырҭшәала изакәызаалак, акы иадымхаргьы напҩымҭак иҭнымхаӡеит, урысшәала — арзаҳалқәак, рапортқәак ыҟоуп, абызшәа цқьаӡаны ишидыруаз рныԥшуеит, (академик Сергеи Зыхәба иазгәаҭарақәа рҟынтә).

🧡 Ахьыуардын шәақәтәа
Please open Telegram to view this post
VIEW IN TELEGRAM
👍153🤗3
Ахьыуардын
Қыҭак аҿы хар змамыз Хаҵа шьахәк дынхон, Хаҭалагьы цәгьара зламыз Уаҩыс дрыԥхьаӡон. (Баграт Шьынқәба) Аамҭа-аамҭала асоциалтә ҳақәа рҿы иалацәажәоит "хар сымам" абантәаауеи ҳәа. Шьоукы ргәаанагарала, XIX ашәышықәса аҩбатәи азбжазы аԥсуаа "ахара…
"Хар сымам" ахьынтәаауа азы

Аԥсуеи аԥсуеи анааиԥыло "Ушԥаҟоу-сышԥаҟоу" ҳәа еибырҳәоит, руаӡәк ииҭиуа азҵаара егьи "Хар сымам" ҳәа аҭак ҟаиҵоит. Ари иаҳәо ахара сыдым, ачымазарагьы сааигәа иҟам ҳәа ауп. Аха ишԥеидҳәалахеи "ахара" аилкаареи агәабзиареи?

Аҵарауаҩ Цира Габниа лышәҟәаҿы (Амифи, аритуали) абри дахьалацәажәо ҭыԥк ыҟоуп. Аԥсуаа ажәытәан ирыхьуаз ачымазарақәа дара реиҳа мчы змоу акы/аӡәы (Ҳаиҳа зымчу) ирзааишьҭит, мамзар идыргәамҵыз нцәахәык, ма зыԥсы ҭынчым аԥсцәа роуп изхароу ҳәа ргәы иаанагон, иагьхарҵон.

Абызшәа иалоуп уи зыршаҳаҭуа аконтструкциақәа: згәы рахәым изы "аҩсҭаа дихарахеит" рҳәон, зусқәа еиқәыбгаз, аҵахь ицаз изы — "аныха ихарахеит".

Уи аҟынтә, хар сымамзар, зегь рыла сманшәалоуп, сҭынчуп ауп иаанаго («все в порядке, ничто не беспокоит»). Ҳаамҭанӡа уи аҵакы аманы иааиуеит.

Афраза ахаҭа акыр шәышықәса ахыҵуеит, абаза бызшәагьы иалоуп аиԥш зеиԥшу: "Хара гьсымам" ҳәа, аха иахьазы имаҷны ахархәара арҭоит, "ха́ра" ԥсаххеит адыга бызшәаҟынтә иалалаз ажәа "льажьа" ала, уи аҵакгьы "вина/укор" ауп. Иаҳәаша аҳәоит.

🧡 Ахьыуардын шәақәтәа
Please open Telegram to view this post
VIEW IN TELEGRAM
👍178🏆2
Иссиру ашәарыцаратә сиужет аарԥшуп Шәача ашьхарахь иҟоу дамрак аҭӡаҿы иҭҟаны. Ахаҭа ҵыԥх ирбеит, аха алашара ҷыда ақәырԥханы ула еилнакаартә ианырзыҟаҵа ааигәоуп. Асахьа ҭыхуп абарелиеф атехника ҳәа изышьҭоу ала, Аахыҵ Кавказ ари аҩыза уажәада ирԥыхьамшәацызт.

Асахьаҿы иаабоит абынҽеи аҳәыси шеицыз ала рышьҭаҵаны, ирыҩны-ирааԥсаны ишкыдырцалаз. Ашәарыцацәа ҩыџьа рхыцқәа рхханы, рыхҿақәа шдырԥырра игылоуп. Даҽа фҩык ауаа ҩыџьа-ҩыџьала рнапқәа еибаркны ишьҭырхуеит, иҟалап ашәарах ажьҿа иеигәырӷьаны, ритуалтә кәашарак нарыгӡозар. Абарҭ зегь рышьҭахь рымҵәыжәҩақәа еидԥсала ҭынч ирыхәаԥшуа итәоуп ԥсаатә дуқәак, рԥыцқәа хәхәаӡа.

Апетроглифқәа рыҭҵаара иаҿуп уи иазку аҵарауаа.

🦌 Ахаҳә еиқәнархеит аџьабаа ду зцыз, хныҟәгагас иҟаз аус акульминациа. Аамҭа ҳазырцәажәо, азқьышықәсақәа иргәылсны иааз ажәытәӡатәи ауаҩытәыҩса иҟазара!

Ахыҵхырҭеи асахьақәеи: ТАСС>>

🧡 Ахьыуардын шәақәтәа
Please open Telegram to view this post
VIEW IN TELEGRAM
Please open Telegram to view this post
VIEW IN TELEGRAM
👍20
Анышә шкәакәа, аԥслымӡ, ахәа, амаҽахәа — асапын ӡбахаанӡа ауаа рхы иадырхәоз аӡәӡәага-рыцқьага маҭәахәқәа иреиуоуп.

Амаҽа́хәа (пемза) — Кавказ иуԥыло хаҳәжәлоуп, авулканқәа ахьхәылҟьоз иамоуп, алава аныхьшәашәа абас икәакәасҭаркны иахьынхақәаз аҭыԥқәа рҿы. Аԥсны иҵырхуан, ирдыруан.

Амаҽахәа ахкқәеи аԥшшәқәеи рацәоуп, еиҳарак ицәышуп, ихәаш-хәашо ицоит, аӡаҿы акраамҭа иӡааҟәрылаӡом. Иҟоуп асаркьа аԥҽыха ссаӡақәа реиԥш иҵыр-ҵыруа, ишакәым иукыр уцәеижь зцәыкәкәо амаҽахәа ахкқәа. Абри аҟазшьа аҵырдыраан, аԥсуаа ашәақь аладрыцқьон, ачысмаҭәа ӡәӡәагас рхы иадырхәон, ачуанқәеи ақәабқәеи аларӷьӷьон, иуҿацырцыруа иҟанаҵон (полировка), ашьахәар аладырчачон; рышьхәа иахьыршьуан. Иахьагьы бзиа ахархәара амоуп, еиҳарак аргылараҿы.

Амаҽахәа ахьыҵырхуаз ҳәа аҭыԥхьӡ ыҟоуп Џьгьарда ахәҵа (иааигоит Валери Кәарҷиа Аԥсны атопонимика иазку ишәҟәаҿы).

📖
Анышә шкәакәа
- белая глина;
Акәакәасҭа́ - пористый;
Ашьахәа́р - ҩ-ҵакык амоуп: аԥсаса ршьапы абаҩ, нас уи иҭоу абаҩлашша.

🧡 Ахьыуардын шәақәтәа
Please open Telegram to view this post
VIEW IN TELEGRAM
Please open Telegram to view this post
VIEW IN TELEGRAM
👍142