Ахьыуардын
1.26K subscribers
1.38K photos
220 videos
1.66K links
Ахьыуардын — аԥсуа бызшәеи, аҭоурыхи, акультуреи ирызку апроект ҷыда. Напбзиа-шьапбзиа ахьыуардын дақәтәоуп. Шәҳацла: ахьы хәыҷуп, аха шәкы ицоит, аӡә дышәҩыкны дҳаԥхьаӡоит.
Download Telegram
Forwarded from Ахьыуардын
Абаииа нас иабаргоз?

Амшаԥышәҭ (абаииа) акәтаӷь ыларбылгьаны ианалгалак ашьҭахь иаразнак ишьҭырхуамызт, иркәаҳауан. Амчра амоуп, зшьапы ылазыргыло ихәоит ҳәа иԥхьаӡан. Аҭаацәара иалаларатәы иҟаз аҷкәын-аӡӷаб иргәыдрыԥсалон амшра рзаанагарц. Хшара дзаураны иҟаз аҭаца илықәрыԥсон "Хьаада-баада аҿиарамҩа банылааит, бманшәалахааит!" ҳәа.

Уи ашьҭахьгьы икарыжьуамызт, ирҵәахуан, асар, аӡар, аҳәарақәа, аҽҵарақәа ирықәрыԥсон амшра ацуп, цәгьара рзаанагом ҳәа. Арахә еимгәаз ирдыдны, ахәы анарҭоз иаларҵон иманшәалахарц, хьаралагьы ибзиахарц, алаԥш амысырц.

Ааԥын хьшәашәараны абаииа мышәҭыцзар, ашыцгьы ааргон. Асаби данилак гәабанс имаз, ауаҩы идунеи аниԥсахуагьы иҵарҵоз ашыц аҩны ааигәа иҟан, агәашә аԥхьа еиҭарҳауан, згәы цқьамкәа иааиуа ауаҩы, аиаҵәара-ашыцра дагәылсны дахьцо имчра бааԥсы ихнахуеит ҳәа агәра ргон.

🧡 Ахьыуардын шәақәтәа
Please open Telegram to view this post
VIEW IN TELEGRAM
👍225
Иналукааша аԥсуа сахьаҭыхҩы, аҿыханҵаҩ, аграфик, акәалџьҩы Заур Мықәба имшироуп иахьа, 80 шықәса ихыҵит.

Ҳазшаз абаҩхатәра злеиҵо рҿы ишыҟалало еиԥш, Заур Кәакә-иԥа аҟазара дшатәу ааԥшит дшыхәыҷызнатә. Ашкол данҭала инаркны асахьа ҭихуан, саԥхьаҟа уи сҽазыскуеит ҳәагьы ӡбаны иман. Аҟәатәи асахьаҭыхратә школ ҳәа иҟаз даналга Харьковтәи асахьаҭыхра-ааглыхратә институт дҭалоит, иахьатәи ала адизаин афакультет. 1980 шықәса раахыс Аԥснытәи аҳәынҭқарратә музеи аҟны асахьҭыхыҩ хадас дыҟоуп, аамҭала Аԥсуа университет аҿы алекциақәа дрыԥхьон.

Ирҿиаратә ԥсҭазаараҿы иаԥиҵахьоу аусумҭақәа даара ирацәоуп, тема хадас ирымоу — Аԥсны аҭоурых, абзазара, аԥсабара аԥшӡара, аԥсадгьыл азгәыбылра. Аруыс-Кавказ еибашьра еилгеижьҭеи сынтәа 160 шықәса анҵуа имҳәакәа ҳзавсуам еиҳарак лассы-лассы дзызхьаԥшуа, дзыргәаҟуа ахьаақәа ишыруаку амҳаџьырра. Еицырдыруа исахьақәа ирхыԥхьаӡалоуп иара убас "Адольменқәа", "Ажьи", "Абырг", "Кьараз", "Аҟәа акәша-мыкәша", апеизажқәа "Сқыҭа", "Аӡиа Риҵа", "Ашьха қыҭа" уҳәа егьырҭ.

Заур Мықәба Аԥсны асахьаҭыхцәа реидгыла еиҿнакаауа ацәыргақәҵақәа дрылахәуп ҳтәыла аҩнуҵҟеиԥш уи анҭыҵгьы, ҵыԥх имҩаԥысит хаҭалатәи ицәыргақәҵа. Иалкаау иусумҭақәа иблыз Амилаҭ сахьатә галареиаҿы ишьҭагәышьан, аха иҟоуп имаҷымкәа ахатәы коллекциақәа рҿы зыбла аргәырӷьогьы Аԥсны, Урыстәыла, Шьамтәыла, Европа, Америка.

Агәабзиара-агәамч, аԥсынҵра ду изеиӷьаҳшьоит, арҿиаразы агәаԥхара-ахаԥхара имазааит.

📖 Акәалџьара, азаҷра, ачаԥара — чеканить

🧡 Ахьыуардын шәақәтәа
Please open Telegram to view this post
VIEW IN TELEGRAM
👍13
Ахьыуардын
Иналукааша аԥсуа сахьаҭыхҩы, аҿыханҵаҩ, аграфик, акәалџьҩы Заур Мықәба имшироуп иахьа, 80 шықәса ихыҵит. Ҳазшаз абаҩхатәра злеиҵо рҿы ишыҟалало еиԥш, Заур Кәакә-иԥа аҟазара дшатәу ааԥшит дшыхәыҷызнатә. Ашкол данҭала инаркны асахьа ҭихуан, саԥхьаҟа уи сҽазыскуеит…
Заур Мықәба исахьа "Абырг" (Долгожитель)

***
Иахьа зегь ҳаицҿакны "живопись" азы аҿыханҵа ҳҳәоит, иҿыхоуп - живое, иссируп, абызшәа иаднакылеит. Аҩбатәи авариантгьы ыҟан "абзанҵа" ҳәа, ажәар аҿы иаҳԥылоит, аха рацәак ахархәара амоуӡеит. Иахькалькоу азакәхап.

Шәара еиҳа ишәгәаԥхои рыуа? 🎨 🖼️

🧡 Ахьыуардын шәақәтәа
Please open Telegram to view this post
VIEW IN TELEGRAM
👍18
Ахьыуардын
Ныҳәа дууп иахьа Аԥсны. Абри аҽны 150 шықәса раԥхьа Уарча ақыҭан Урыс Гәлиа иҩнаҭаҿы диит аҵеимш, жәларык ргәадура Дырмит Гәлиа. Раԥхьаӡа акәны аԥсуа сахьажәа ашәҟәы иазырбаз, аԥсшәа агәшәа зызҳәаз арккаҩы, аԥсуа литература ашьаҭаркҩы, Жәлар рпоет. Напы барақьаҭла…
Ашколтә программа ахьынӡаҳгәалашәо гәаҳҭап? 🌝

Ҳажәлар рырккаҩы Дырмит Гәлиа аус ахьиуаз Аҟәатәи арҵаҩратә семинариаҿы 1919 шықәсазы алитературатә кружок еиҿикааит, уи иҭнажьуаз анапылаҩыратә журнал "Шарԥыеҵәа" ахьӡиҵеит. Ас еиԥш ахьӡ ахьалихыз машәырӡам, асимволтә ҵакы амоуп. Иарбан, шәгәанала?

Аҭак (шәакьысыр иаатуеит):

Шарԥыеҵәа ацәырҵра ашара шааигәахо уанаҳәоит, аха уи адагьы амш бзиа ааира иадыргоуп аԥсуаа рҿы. Асахьаркыратә литература мышьҭабзиала ԥхьаҟа аҿиара дазхәыцны иаиҭеит хьӡыс.

Даҽа хәышықәса ааҵуаны апоет ақәрахьымӡа Иуа Коӷониагьы иҩызцәа идкыланы алиткружок аԥиҵеит, уи иахьӡын "Аҿар рыбжьы".

🧡 Ахьыуардын шәақәтәа
Please open Telegram to view this post
VIEW IN TELEGRAM
👍157🔥2
Ҿаԥыцла мацара иааиуа ахԥатәи азқьышықәса ашәхымс инхықәгылаз Нарҭаа ирызку аԥсуа фырхаҵаратә епос наунагӡа ԥсра-ӡрак ақәымкәа аҭоурых иазынхоит. Иҭыҵит иахьанӡа иеиқәхаз Нарҭаа рҳәамҭақәа зегьы-зегь еидызкыло аа-томк ԥшӡаӡа (зынӡа 10 ҟалоит) — абжьықәыӷәӷәареи аинтонациеи инарымаркны изҳәаз ишырҳәаз еиԥшҵәҟьа еилшәарада.

Аԥсуаа милаҭкны ҳхы здаҳныҳәалаша, аԥсшәазы ишьаҭамырӡгоу ари аус ҩынҩажәа шықәса раахыс ҽышәала дазааԥсон Аԥсны аҭҵаарадыррақәа ракадемиа ахада, академик Зураб Џьапуа. Аҵыхәтәантәи 15 шықәса инарзынаԥшуа хҩахак ҟамҵакәа, гәацԥыҳәарала аџьабаа ицырбеит, ргәахәеи-ргәалси еицеиҩшо, аԥсуаҭҵаара иаҵагылаз иара иааӡамҭацәа — аҵарауаа ҿарацәа Наала Барцыцԥҳаи Саида Ҳаџьымԥҳаи.

Нарҭаа репос Кавказ ашьагәыҭ жәларқәа ирымоуп, ауаԥсаа рҿгьы акыр иӷәӷәоуп, аха аҵарауаа ҳа ҳтәқәагьы анҭыҵгьы аӡәырҩы ишазгәарҭахьоу еиԥш, аԥсуа-адыга вариантқәа реиҳа архаикатә цәа рҟәынны иааԥшуеит. Лымкаалагьы афырхаҵа хада Сасрыҟәа изку аҳәамҭақәеи ашәақәеи: урҭ рыхкырацәара адагьы аԥсуа фольклор аҿоуп ихаҿсахьа зегь раасҭа игәылҭәааны иахьубо.

Абас еиԥш аизга хаҭәаа адунеи иабарц иҭахын ҳаамҭазтәи Аԥсуа ҳәынҭқарра ашьаҭаркҩы, Аԥсны раԥхьатәи ахада, аҵарауаҩ дуӡӡа Владислав Арӡынба. Апроект авторс ихьӡ арбоуп.

Акырӡа зымҽхазкуа, акрызҵазкуа аҭыжьымҭа аҭоурых еиҭеиҳәоит аредактор-аиқәыршәаҩ хыхь иааҳгаз иҿцәажәара ацыԥҵәахаҿы, инагӡаны шәазыӡырҩыр шәылшоит абра>>

🧡 Ахьыуардын шәақәтәа
Please open Telegram to view this post
VIEW IN TELEGRAM
Please open Telegram to view this post
VIEW IN TELEGRAM
13👍8
Иахьа аҵыхәтәантәи лымҩахь днаскьаргоит Мирра Хотелашьвили-Инал-Иԥа, аҭоурыхҭҵааҩ, археолог, Аԥсны зҽаԥсазтәыз акультура аусзуҩ, Аԥсны Аҭҵаарадыррақәа ракадемиа пату зқәу алахәыла, Ахьӡ-Аԥша аорден III аҩаӡара занашьоу.

Ақәра ду налгеит гәыцқьарыла, ламысла, ари адгьыл аҿы илоуз аахақәа дыриааиуа, хьаала иҭәыз лгәы ҟажо. Агәырҩа цәгьа зыԥсынҵры аркьаҿыз аԥсуа ҵарауаҩ ду Шьалуа Инал-Иԥа иус иацылҵон, акы-ҩба ҳәа иԥкаа-ԥкаауа акьыԥхь иазлырхиеит, иҭлыжьит иара дызхьымӡаз ишәҟәқәа. Лхаҭагьы 50 инареиҳаны аҭҵаарадырратә усумҭақәа аԥылҵеит, кавказҭҵааразы иахьагьы-уаҵәгьы илагала хатәраны иаанхо.

Изакә гәамчыз илылаз, аамысҭашәарыла еибаркыз, уаҳа злакҭа раз ахыԥшылара ҳаҭәам ари аԥҳәыс. Адгьыл лзыбымбылхааит, лыԥсы ҭынчзааит, џьанаҭ гыларҭас илоуааит.

Ҳазҭоу ашықәс абжагьы ҳамнеицкәа зааԥсарақәа рацәоу аҵарауаа ԥыҭҩык аҩнахит: Шоҭа Арсҭаа, Сариа Амҷԥҳа, Мери Ҳашԥҳа, Мирра Хотелашьвили-Инал-Иԥа, иҵегь акыр зылшашаз Руслан Барцыц, Заур Шьалашьаа. Адунеи уаароуп, ахраҭ наӡоуп... Рҭыԥ ҭацәны инымхап ҳәа ҳгәыӷуеит, рҩызцәа гыло Анцәа иҳәааит Аԥсны.

🧡 Ахьыуардын шәақәтәа
Please open Telegram to view this post
VIEW IN TELEGRAM
🙏138👍3
Амшаԥныҳәа лаша иаԥгылоу асабша ауха аԥсуаа Мшаԥхәыҷы ҳәа иашьҭоуп – агәыхыҭхыҭра хаа зцу аҽазыҟаҵара аамҭа. Амшаԥы уаԥылароуп уцәа-ужьы, угәы цқьаны, еиқәаҵәа злам маҭәа ԥшӡала уҽеилаҳәаны.

Мшаԥы азқьышықәсақәа ахыҵуеит, гәырӷьа дууп, иреиҳаӡоу ныҳәоуп ҳажәлар рзы. Абри аҽны наџьнатә аахыс "Ҽаанбзиала!" ҳәа еибырҳәоит (ашықәс ҿыц ааира иадыркылон ажәытәан), еиҭанеиааиуеит, еибабоит, ахәмаррақәа мҩаԥыргоит.

Ҭоурыхла ауаа рыбзазашьа аҽшаԥсахуаз ала, Мшаԥы азгәаҭарагьы аиҭакрақәак ахҭысуан, аха агәыцә еибгоуп иахьа уажәраанӡа, атрадициатә шьаҭа ӷәӷәа шамац иааиуеит. Иҟам даҽа ныҳәак абасҟак ажәеицааирақәеи, ажәаԥҟақәеи, азгәаҭарақәеи зырҿиаз. Иаҳгәалаҳаршәап дара:

Амшаԥшара, амшаԥымш, амшаԥыӡыс, амшаԥчгара, амшаԥыҳаԥшьа, амшаԥчашә, амшаԥкәтаӷь, амшаԥыкакаҷ (амшаԥышәҭ), амшаԥгәырӷьара.

🟠 Ула хыуҩар, Амшаԥгьы ииасны ицоит.

🟠 Мшаԥаҽны акрыфаны сыҟоуп зҳәаз иеиԥш.

🟠 Акәтаӷь ҟаԥшь гәырӷьа маҟак аҵоуп.

• Амшаԥы зызшаз – насыԥ зқәу;
• Мшаԥы даԥылошәа – убас дгәырӷьаҵәоит;
• Мшаԥшареиԥш избоит – иеиӷьысшьо сымам;
• Мшаԥы изшеит – иразҟы иакит;
• Мшаҽнеиԥш // Мшаԥаҽнеиԥш – еицакра зқәым акы аӡбахә анырҳәо.

Ажәлар разгәаҭарақәа:

• Амшаԥазы ажәла карԥсом, анышә ркуам — ҵасым.

• Амшаԥшара збаз, иаԥылаз ашықәс изыманшәалахоит.

• Амшаԥаҽны ииуа дыхьӡырҳәагахоит.

• Амшаԥчыс шаҟа иԥшӡахо, ихаахо аҟара аҩнаҭа абарақьаҭра азԥшуп, аҭаацәа маншәалахоит.

• Амшаԥаҽны амра ԥхозар ҽаҩраҭагалан беиахоит.

• Амшаԥазы амра анҭашәо ашәаԥшь кыдлар, дырга бзиоуп.

• Амшаԥазы амш цәгьахар, иаанхаз ааԥынрагьы қәас-ӡыслоит рҳәоит.

• Амшаԥы адырҩаҽны ҽынла уцәар, алшықәсанык ацәа уаклоит рҳәоит.

• Амшаԥы наскьа-ааскьоит, аха ианакәызаалак амҽыша иақәшәоит.

Асахьа: Ҭемыр Аиба

🧡 Ахьыуардын шәақәтәа
Please open Telegram to view this post
VIEW IN TELEGRAM
11👍11
Ҽаанбзиала шәнеиааит, акыр иаԥсоу ҳаԥхьаҩцәа! Дасу шәзымҵаныҳәо алԥха-агәыԥха шәымазааит! Хаҭала, ҭаацәала шәманшәаланы, шәгәы бзиа, шәхы шәақәгәырӷьо шьардаамҭа аныҳәа шәаԥылалааит! Аԥсынра аԥшьа дгьыл Анцәа илаԥш хаа ахызааит!

Қьырса дгылт! Иҵабыргны дгылт! Абзиара, ацқьара, аԥсҭазаара аиааира агоит, Амшаԥы лашоуп — шәаланыҳәазааит! 🌱🌸🐣

***
Раԥхьа ицәырҵын, уи бырфынхан,
Иптит араса;
Зны ибымбылхан, нас икәҵиҵхан,
Иаҿалт аԥҳәаса;
Урҭ иреисан, ашәҭқәа цәхаԥшьхан,
Игылт атама;
Шәҭышхан аца, шәҭышхан анҷа,
Аҵар шәаҳәауа...
Ас ианырба, рызегь гыла,
Иаԥылоит ауаа
Ажәлар рныҳәа, ааԥын ныҳәа,
Мшаԥы ахаҭа!
Урҭ иагьырҳәоит гәырӷьарыла,
Аду, ахәыҷқәа:
– Амшаԥ ныҳәа, блаччарыла,
Ҭынчра уман, кәтаӷь ҟаԥшьыла,
Абас уаҳзаала!

Заур Быҭәба, 1968


🧡 Ахьыуардын шәақәтәа
Please open Telegram to view this post
VIEW IN TELEGRAM
🙏1916
Иахьа даҳгәалаҳаршәоит зыԥсҭазаара аӷьырак агәалашәара ахӡыӡаара иазкыз, Ахьӡ-Аԥша аорден III аҩаӡара занашьоу Лиудмила Малиа. Лара 40 шықәса инеиԥынкыланы Нестор Лакоба иҩны-амузеи амаҵ азылуит. Дыҟазҭгьы иахьа 80 шықәса лхыҵуан.

Лиудмила Малиа диит Гәдоуҭа, аҵара лҵон Н. А. Лакоба ихьӡ зху Гәдоуҭатәи абжьаратә школ аҟны, Аҟәатәи арҵаҩратә институт даушьҭымҭоуп. 1983 шықәсазы иаартыз Нестор Лакоба иҩны-амузеи аханатә директорс иҟаз лара лоуп. Аԥсуа милаҭ культура, аҭоурых, аҵас-қьабзқәа реиҷаҳара, рыхьчара лааԥсара адуп, убасҵәҟьа згәы ақәкны, зус бзиа ибаны иаҿыз ауаа лывагылан. Ирацәоуп лара лыбзоурала еидкылоу Нестор иӡбахә зҳәо аматериалқәа.

Аибашьра аҵыхәтәантәи амшқәа рзы амузеи блит. Хадара злоу архив, ашәҟәқәа заа ирҵәаххьан, урҭ реиқәырхара алшеит, аха аҩны ахаҭа, азеиԥш експозициа ааха ӷәӷәа аиуит. Аиҭашьақәыргылара даара акраҭаххеит. Аҭынч аамҭазы 2022 шықәсазоуп раԥхьаӡа акәны ҿыц ашә анаат — усҟан Рауф Лакоба диижьҭеи 100 шықәса аҵра иазкыз ацәыргақәҵа мҩаԥысит. Адырҩашықәсаны лаҵарамза 12 рзы — Нестор Лакоба 130 шықәса ихыҵра иазкыз ҽнактәи ацәыргақәҵа еиҿкаан, аԥсуаа ҳнысымҩа зызхьаау ауаа рацәа еизнагеит.

Лиудмила Малиа лыдунеи лыԥсахит лаҵарамза 16, 2023 шықәсазы. Сариа Лакоба агәиецамк лгәаҟрақәа данырхыԥсаа амш иақәшәеит ларгьы лылацәеиқәыԥсара арыцхә. Ари афырԥҳәызба уаҩ иимбац лычҳара дшахцәажәоз шәазыӡырҩыр шәылшоит абра>>

🧡 Ахьыуардын шәақәтәа
Please open Telegram to view this post
VIEW IN TELEGRAM
7👍7
This media is not supported in your browser
VIEW IN TELEGRAM
🪶 Аԥсаатәқәа ирыхҳәаау аԥсуа жәаԥҟақәа

• Аԥсаа бзиа ашьҭахь иныҟәоит.

• Аҵх андуу аԥсаатәгьы ашара иахыццакуеит.

• Аҵыс хԥара ацәҟьа иаҿашәоит.

• Акәыкәу ацымхәра анилак иԥсуеит.

• Акәыкәу раԥхьаӡа ҿызҭыз ԥсит.

Аҳәынҵәраԥшь асас изы ахәда ԥнаҟеит.

Ауарбажә иагаз акәҷышь ахьшь иацәнагеит.

• Акәата ахаҳә агәыдуҵар, иаахар бзиоуп, иамаахаргьы — ахаҳә ахаҳә иацлоит, акәата акәатақәа ирыцлоит.

Аҟармаҵыс ашәаҳәара асырҵоит ҳәа уаламган.

• Аты абла анаиу "Аџьымшь, аџьымшь!" аҳәон.

• Аҟәраан, алаҳәа агәаӷ аҟынтә, ардәына "Уаргьы уеиқәаҵәоуп" ҳәа иазыҵҟьон.

• Реиҳа ишкәакәоу анааргоз алаҳәа аԥа аманы иааит.

• Аҵарақәа "ҷит" анырҳәа, аҷынҷагьы "ҷыт" аҳәеит.

Ардәына ашәақәа шәкы здыруан, аха ахьшь схы ианықәс зегьы схашҭит аҳәеит.

• Аҵларкәыкә абажә ианамысуа ахы ахьуеит.

• Аиаша аҵыс иаҳәоит, аҳәыҳә иаҳәоит.

• Аҵыс иамҳәаргьы аҳәыҳә иаҳәап.

🔗 Иҵегь аинтерес зҵоу аҿырԥштәқәа аалгоит афольклорист Сусанна Ҭаниаԥҳа абри лыстатиаҿы>>

#ажәаԥҟақәа #аԥсаатәқәа

Асахьаныҟәа: abkhazialive

🧡 Ахьыуардын шәақәтәа
Please open Telegram to view this post
VIEW IN TELEGRAM
19👍7🔥2
Ахьыуардын
Ицқьоуп, иласуп, иҵаулоуп, исахьаркуп аԥсуа литература ашаеҵәа Иуа Коӷониа ипоезиа. Ажәлар рзы дҵеи лашаны диит унеишь-уааишь ҳәа зарҳәоз ахаҵа шьахә, аҽыбӷаҟаза ду Абас Коӷониа иҩнаҭаҿы абри аҽны 120 шықәса раԥхьа. Дыҷкәынаны аԥсуа сахьажәа еиҳау аҩаӡарахь…
Ажәытә аԥсышәа ссирк ҳагәылаԥшып.

Иуа Коӷониа ипоема "Маршьанаа шықәибахуаз" иалоуп абри еиԥш ацәаҳәақәа: "Иаш Ҳасан иԥҳәыс дылҟазон, уахи-ҽнигьы дтәаӡан". Иаанагозеи, шәгәанала, "дылҟа́зон"?

Аҭак: дылхәышәтәуан

Дылҟазон — жәлар рмедицина иатәу терминуп. Илҟазоз Бабышь Маршьан ахәра иманы дышьҭан, аԥсуа хәшәқәеи аҭәҳәақәеи рыла даллыргон. Ишаҳбо ала, ҳабдуцәа ражәаҳәаҿы "аҟазара" ҟаҵарбасгьы ахархәара амазаарын. Иаш Ҳасан иԥҳәыс леиԥш ари аус иазҟазаз ауаа ирызкны ирҳәон, урысшәала "знахарь" аҵакы иақәшәоит.


Апоема "Маршьанаа шықәибахуаз" ахҭысқәа XIX ашәышықәса актәи азбжазы иҟалеит, сахьаркыратә бызшәа хымкыхла иеиҭаҳәоу иҟаҵәҟьаз ҭоурыхуп.

"Ари лакәым,
Баша жәабжьым,
Аамҭа гагам,
Ԥхыӡ еиҭаҳәам.
Ари иашаны иҟалахьеит,
Иахаану зегьы ԥсхьеит..."


📌 Аԥсуаа рабџьармаҭәа иазҿлымҳау рзыҳәангьы аинтерес зҵоу азгәаҭа — Маршьанаа кәалӡыла еилаҳәан: "Еихатә ҭыџьла дахьычаԥаз дацәшәомызт аԥсра". Иуԥылоит иара убас ажәытә шәақьқәа рыхьӡқәа "амачхәа́л", "асалқы́м" уҳәа.

🧡 Ахьыуардын шәақәтәа
Please open Telegram to view this post
VIEW IN TELEGRAM
👍188
This media is not supported in your browser
VIEW IN TELEGRAM
Адунеи аҭоурых аҿы зегь раасҭа ишьаарҵәыраз аибашьра еилгеижьҭеи 79 шықәса ҵуеит. Шәадныҳәалазааит Аиааира ду амш!

Ари амш аагараҿы Аԥсынра алагалеи аџьабааи рацәоуп, жәанызқьҩыла аԥсадгьыл ахьчаҩцәа ҭоуба уны афашист мца иаҿагылеит. Арратә ԥышәа ҳәа змаӡамыз аҿар, аҭыԥҳацәагьы налаҵаны. Зыҩны инхазгьы афронт иахәалак ҳәа махәҿыла, хшыҩла аус руан.

Ҳаибашьцәа ргәымшәара рыхо хацәнамырха иқәԥон Брест, Москва, Ленинград, Кавказ, Сталинград, Ҟрым, Севастополь, Одесса, Европа атәылақәа рхақәиҭраан, аӡәырҩы Берлинынӡа инаӡеит.

Ауаӷеимшхара ангылоз, амши аҵхи рҳәаа анеилахәоз, амреи амзеи узеилмырго аԥсабара алҩақ анахатәоз, ахәбылфҩы рҿатәо, акы иннамкыло ԥхьаҟа ицон адәаҿы, ажәҩан аҿы, аӡаҿы. Ҳәашьак амоума шаҟаҩ ргәахәтәы иахьымӡаз, шаҟаҩ ранацәа аԥсӡышәҟәы рмоукәа есаашар рыла ҭраа агәашә ахь иԥшуаз. Еибашьра изыԥхьазгьы, зықәра ацҵаны афронт ахь ицазгьы еибеиԥшны, амалахазгьы ргәы мбжьажьаӡакәа рыԥсадгьыл иарҭон рыԥсы. Аԥсуа еибашьҩы ибаҩ иахьанӡагьы ашьха иаҿаԥсоуп, зқьыџьара анышә иамадоуп.

Хашҭра ақәымзааит аӡәыкны еидгылаз ажәлар рфырхаҵара! Ҳреихырхәоит Аиааира иазықәԥоз зегьы. Нагӡара ақәны иҟалааит аҭынчра!

🧡 Ахьыуардын шәақәтәа
Please open Telegram to view this post
VIEW IN TELEGRAM
🙏158👍2🤔1
Ахьыуардын
Адунеи аҭоурых аҿы зегь раасҭа ишьаарҵәыраз аибашьра еилгеижьҭеи 79 шықәса ҵуеит. Шәадныҳәалазааит Аиааира ду амш! Ари амш аагараҿы Аԥсынра алагалеи аџьабааи рацәоуп, жәанызқьҩыла аԥсадгьыл ахьчаҩцәа ҭоуба уны афашист мца иаҿагылеит. Арратә ԥышәа ҳәа змаӡамыз…
Еицаҳҳәап уи ашәа

"Шәнеибац! Шәнеибац!" –
Иаҳзеиԥшу ашәоуп.
"Шәнеибац! Шәнеибац!" –
Уи зҳәо ҳаԥсацәоуп.
Уи ашәа ахьаԥырҵаз,
Иахьиз Аԥсынроуп.
Уи ашәа ззаԥырҵаз
Ахақәиҭра ауп.

Уи ашәа аацәырзгеит
Афронтаҿ зны,
Сҩызцәа асолдаҭцәа
Исыцырҳәеит аҽны:
Шәнеибац, Шәнеибац,
Шәнеибац ԥхьаҟа!
"Шәнеибац, шәнеибац!"
Ҳгәы арыӷәӷәоз шаҟа...

Уи ашәа рыхьӡынҩылоуп
Аԥсны аԥацәа,
Уи ашәа сыцырҳәоит
Сҩызцәа гәырӷьаҵәа,
Уи ашәа фырхаҵароуп
Ԥхьаҟа ҳанцауа,
Уи ашәа бираҟуп,
Хыхь ишәыршәыруа.

Уи ашәа амадоуп
Иахьатәи ҳразҟы.
Еицаҳҳәап уи ашәа
Ҳабжьы еиқәыршәаны.
"Шәнеибац!" азаҳҳәап
Ҳҭынчра хьчаны.
..

Алықьса Џьонуа


🧡 Ахьыуардын шәақәтәа
Please open Telegram to view this post
VIEW IN TELEGRAM
👍197
"Мери аҳауахь лҽышьҭылхаанӡа гәыԥҩык аҭаҳмадцәа налыдгылеит.
– Дад, бара баԥсыуоума?
– Ааи, акыр шәҭахызма?
– Мап, дадхеит, абра уажәраанӡа еимаҳкуан, ҳбазҵаарц акәын…
– Дад, бара бхала бгәы иҭоума аԥырра?
– Ааи, уажәыҵәҟьа, адҵа шаасоулак.
– Уахь џьара арԥыск дҭатәазар акәхап, – иҳәан, аӡәы лҳаирплан дназыԥшит. Урҭ агәра шырзымгоз анылба, инаганы аҩнуҵҟа иҭалырԥшит.
– Быԥсынҵры духааит, дадхеит, ԥхыӡгьы избахьадаз ҳаԥсуа ԥҳәызба ажәҩанаҿ дԥыруа!

Ус, Мери дақәиҭхеит апарад иалагаанӡа аԥырра.
– Аӡәыр ишәҭахызар шәақәтәа, уажәыҵәҟьа сеиҭатәоит, – аҭаҳмадцәа инарыдылҵеит Мери.
– Зхы иагу дызусҭада, аӡӷаб лыгәра ганы аҳаирплан дақәтәартә, – иҳәеит ҵаҟа дынкаԥшын аҭаҳмадцәа руаӡәы.
– Дадхеит, ари ҽума, ушнақәтәара?.. – ҿааиҭит даҽаӡәы.

Мери лџыртә ԥсаатә шьауардынҵас иҩышьҭԥраан иҩхалеит. Аԥшыха рибамҭо иџьшьаны илыҵаԥшуан зегьы. Дтәарацы лҽыларҟәуа, аҿанаалырха, – шәааскьа уара арахь, шәаԥырҵ, ҳаи, анцәа иныс, дышкаҳауа, – иԥшуан аҭаҳмадцәа рыхқәа шьҭыхны. Ус лҳаирплан аақәыргьежьааны днатәеит Мери.
– Зхы џьбароу аҽ урагьы ас иузынкыларым, – рҳәеит џьоукы".

✍🏻 Џьума Аҳәба иочерк "Ахьшьыцба гәеицамк" аҟынтә

Раԥхьаӡатәи аԥсуа аԥырҩы ԥҳәыс, афырԥҳәызба Мери Аҩӡԥҳа илызкны (1917-1986).

🧡 Ахьыуардын шәақәтәа
Please open Telegram to view this post
VIEW IN TELEGRAM
🔥17👍7
Аҟәа иахьа иаадыртит Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду афырхаҵа Қьаазым Агрба ибаҟа. Аибашьҩы ӷьеҩ дызлыҵыз аԥсуа жәлар, шәышықәсала иаарго атрадициа инақәыршәаны, рҵеи хьӡырҳәага ргәы издууны ашәа изыркит, аҭоурых аҿы гәымшәарыла зҽалызкаауа рыбзырӡы шышьҭырхуаз еиԥшҵәҟьа дышьҭырхит. Ҳрыԥхьап гәыбылрала иҭәу, иагьсахьарку ацәаҳәақәа.

"Қьаазым Агрба иашәа", Кәарсантел Адамиа иҳәамҭоуп, "Аԥсуа жәлар рфольклор" XI атом иагәылоуп, уантә иааҳгоит:

Аԥсуа ҷкәын, Қьаазым-хаҵа,
Аԥсыуала акы згымыз,
Ҽыбӷалагьы деибаган,
Гәашьамхылагьы дыџьбаран.
Блахкылагьы дыӷәӷәаӡан,
Дырра-ҵаралагьы деибыҭан.
Ҿык-бзык излаҳәоз алагьы дшан,
Аҳәсахәыҷқәагьы ргәы дҭан.
Иахьа жәҩангәыла деибашьуеит:
Гитлер иуарбақәа иху иԥшшаӡа
Дрылагьежьуеит, ашьауардын еиԥш,
Хымцала илаишьҭуеит иббаӡа.
Иӡбахә ааигәоуп ианеиҭарҳәаз,
Аха атәыла амҿханакит,
Газеҭс дызным ҳәа ак нымхеит,
Қыҭацыԥхьаӡа ихьӡ наҩит.
Иеиԥш зеиԥшу дрыҵахом,
Иҟоуп иҩызцәа имаҷымкәа.
Нас, ҳара шәарҭа ҳамам,
Абаагәара иҭоу ҳаиҩызоуп.
Хир уқәзааит, аԥсуа хаҵа,
Агрба ҷкәын Қьаазым-хаҵа,
Зыԥсадгьыл азы зхы иамеигӡо,
Ҳаԥсадгьыл ду адҵа назыгӡо!


🧡 Ахьыуардын шәақәтәа
Please open Telegram to view this post
VIEW IN TELEGRAM
Please open Telegram to view this post
VIEW IN TELEGRAM
👍215🔥4
☑️ Ажәлар ирызку аԥсуа жәаԥҟақәа

🟠 Ажәлар иуаҭәарымшьаша ухы иаҭәаумшьан.

🟠 Ажәлар иуаҩыртәыз "схала суаҩхеит" иҳәеит.

🟠 Ажәлар реихшара ахшыҩдара иахҟьоит.

🟠 Ажәлар иуқәнадыргаз хаҵароуп.

🟠 Ажәлар ыҵҟьом фархь-мцоушәа.

🟠 Ажәлар зыхәда ԥырҟо ашьа ааӡом.

🟠 Ажәлар узлоу рхылԥа ухаҵа.

🟠 Ажәлар ирыхьчо ар иҭахӡам.

🟠 Ажәлар қәыԥсычҳар адунеигьы ҭабгоит.

🟠 Ажәлар лабала иузкацом.

🟠 Ажәлар рус ажәлар ирыӡбароуп.

🟠 Ажәлар рҳақ ыӡуам, иԥсуам.

🟠 Ажәлар зықәшәиуа амшын ҭабоит.

🟠 Ажәлар рышәи аҵла арҩоит.

🟠 Ажәлар абахә иажәлар, идырбгоит.

🟠 Ажәлар иагьа имаҷзаргьы, мрик дрылиаауеит.

🟠 Ажәлар иреиӷьу длаԥшкуеит.

🟠 Ажәлар ириааиуа мчы ыҟам.

🟠Ажәлар рбеиара дара рыҩныҵҟа иҟоуп.

🟠 Ажәлар рыбз хәшәуп.

Еизылгеит Саида Ҳаџьымԥҳа

#ажәаԥҟақәа

Асахьа: англыз ныҟәаҩы Уилиам Симпсон Аԥсны даныҟаз иҭихыз, 1856-57 шш.

🧡 Ахьыуардын шәақәтәа
Please open Telegram to view this post
VIEW IN TELEGRAM
👍187
Амшҵәы // анасыԥҵәы ахәажә иагәыламкәа, ус зеиԥшла "счастливый жребий" аҵакы анышьҭнахуа, антоним амоуп ҳбызшәаҿы — аҵәы́цәгьа.

Иаҳԥылоит Мушьни Миқаа ироман "Ашацәа ртәарҭа" аҟны аныҳәаԥхьыӡ иаланы:

«Ажәлар рылԥха Анцәа ишәиҭааит, ажәлар рҵәыцәгьа Анцәа ишәықәимыршәааит!»

Шаҟа иаԥсышәоу! Атәыла ахада иҭоуба иалаз "жәлар рылахь" еиԥш аригьы даара иӷәӷәоу формулоуп аҳәашьала. Анцәа-ауаа акатегориа иаҵанакуеит, амч амоуп.

#ажәа_бзиоуп

🧡 Ахьыуардын шәақәтәа
Please open Telegram to view this post
VIEW IN TELEGRAM
👍164🤣1
Баграт Шьынқәба "Амҳаџьыраа ргарашәа" аниҩуаз шаҟа шықәса ихыҵуази?
Final Results
33%
23
58%
43
9%
63
15
Иахьа иҳамоу аԥсуа ҳәынҭқарра ашьаҭаркҩы Владислав Арӡынба диит 79 шықәса раԥхьа Ешыра.

Ҳаԥсадгьыл анхареи аӡреи ианрыбжьагыла ԥызара уны ахьыԥшымра азаазгаз, наунагӡа аҭоурых аҿы зҭыԥ ылызхыз, хьтәы нбанла зыхьӡ анылаз, зыхшыҩи зыгәаӷьреи ӷәӷәаз, зыжәлар рыгәра згаз, аумаҵәҟьа зылзыршаз, ихьамҵыз иара — Аԥсны раԥхьатәи ахада, Аԥсны Афырхаҵа, аҵарауаҩ дуӡӡа, аҵеи лаша. Аԥсуа иҿахәы хараӡа инеҩырц, иахьагьы-уаҵәгьы еиҭаҳәашьак аиурц иҳазкашәаз ауаҩы.

☑️ Аԥсны = Ахақәиҭра = Арӡынба. Ҳаҟанаҵ дыҟоуп.

🧡 Ахьыуардын шәақәтәа
Please open Telegram to view this post
VIEW IN TELEGRAM
25👍10