"Агәыргьы́н" (корона // венец) аԥсшәаҿы ихадароу аҵакы — ақьырсиан динхаҵарала зынасыԥ еилазҵо ирхаркуа ауп, агәыргьынхаҵара́ — венчание; коронация, мрагыларатәи ҳгәылацәагьы ирҿоу ажәоуп. Аҳцәа ирхарҵоз, хьы-раӡныла ичаԥоу амаҭәар аԥсышәа цқьала иҵегь аҳәашьақәа амоуп, ашьагәыҭ лексика иалоуп ианеиҵоу х-ажәак ари аилкаара аазырԥшуа:
• Ахьынҷха́,
• Ахьхҿа́,
• Ахьхаҵа́,
• Ахыркы́ра
"Ахьхҿа" букв.: "золотые стрелы". Егьырҭгьы еилоу шьаҭақәоуп, ирзеиԥшны иаҳбоит "ахы" (голова), "ахьы" (золото). Иаҳԥылоит ажәарқәа рҿы, асахьаркыратә литератураҿы. Ҳажәаҳәаҿгьы ахархәара раҳҭалар бзиоуп.
Асахьаҿы: Аԥсҳа Лауан II дызну аԥсар ҿыц, иҭызхыз Руслан Габлиа
#асинонимқәа
Please open Telegram to view this post
VIEW IN TELEGRAM
👍19❤4❤🔥3
Мшаԥымза 5, 1949 шықәсазы диит акыр зџьабаақәа ҳаду, Леон иорден занашьоу, ҳхақәиҭра, ҳаԥсшәа, ҳхатәы мца ахьчараз Нхыҵынтә хатәгәаԥхарала еибашьра иааз Мусса Дауров. Иахьа 75 шықәса ихыҵуан дыҟазҭгьы.
Ҳара иаҳҳәоит Аԥсуара, ҳашьцәа азахәцәа ирҳәоит Адыгара, убри аныҟәгараҿы зегь рыла иҿырԥшыгаз дреиуан Мусса Дауров дышқәыԥшызнатә. Игәы былуан, ажәҩахыр еибыҭара аҵкыс еиҳау баагәарак шыҟам идыруан, (адыгақәа Кавказ иахьыҟоугьы хыџьараны еиҟәшами). 1991 шықәсазы Шаԥсыӷ аԥшатлакә анрыс, агуманитартә цхыраара еизганы ирзишьҭит. Ҟарачы-Черқьестәыла "Адыгэ Хасэ" араионтә ҟәшақәа руак деиҳабын усҟан.
Кавказ Жәларқәа рконфедерациа далан, Аԥсны аибашьра анҵысы гәыҩбарак ҟамҵакәа, згәы зыԥхьоз аҷкәынцәа еидкыланы аԥсуаа дрывагылеит. Зычҳареи, зыӷәӷәареи, здырреи, зԥышәеи рыла Аиааира ааигәазтәуаз дыруаӡәкуп. Хара имгакәа Мрагыларатәи афронт аԥшыхәра аус ахылаԥшра инапы ианҵан, 1995 шықәсанӡа Аԥсны Атәылахьчара аминистрраҿы имаҵура иациҵон, аполковник ичын иманы.
Мусса Дауров – иналукааша уаажәларратә усзуҩын, аамҭала агазеҭ "Адыгэ Хасэ" аредактор хадас дыҟан, 2017 шықәсазы Ҟарачы-Черқьестәыла Адыга быргцәа рхеилак аиҳабыс далхын. Кавказ аҭоурых, акультура дазҿлымҳан, ашәҟәқәа иҩуан, иаагозар: иқыҭа Ҳабыз иқәынхо ажәлақәа ренциклопедиа еиқәиршәеит, адыга-аурыс фразеологиатә жәар, азахә Нарҭтә репос аенциклопедиа, Аԥсны жәлар рџьынџьтәылатә еибашьраан арра-ԥшыхәра аус иазку ашәҟәы уҳәа убас иҵегь.
Иԥсҭазаара далҵит 2022 шықәсазы, Леон иорден анахыс ианашьоуп ашьхарыуаа ражәахьа знылаз амедал "Псэм ипэ напэ" (Честь выше жизни). Аԥсуа делегациақәа Нхыҵ ҳашьцәа ианрызцо иаргьы изқәаҭыԥ инықәԥшуеит. Иԥсы ҭынчзааит.
🧡 Ахьыуардын шәақәтәа

👍13❤6
Мшаԥымза 7 агәырӷьара зцу рыцхәуп. Абри аҽны 50 шықәса раԥхьа аԥсуа быргцәа рансамбль "Нарҭаа" Венгриа жәларбжьаратәи афольклортә еицлабраҟны иреиҳаӡоу аԥхьахә анаршьеит — "Ахьтәы Таташь".
Кәасҭа Ченгьелиа напхгара аиҭон аколлектив, ари афестиваль ахь 12-ҩык артистцәа алихит, рықәра ааизакны зқьышықәса иреиҳан. Иара дыҷкәынан рҿаԥхьа, Иван Кортуа иаамҭанымкәа иԥсҭазаара даналҵ ашьҭахь, дҿыцны инапы ианырҵеижьҭеи рацәакгьы ҵуамызт, аха аҵара аиҳабра-аиҵыбра амаӡам ҳәа, алеишәеи аҭакԥхықәра дуи аарԥшны иазыҟаиҵон. Абыргцәагьы асаби иеиԥш рымаршәа акышьа иақәшәатәын.
Амза 3 рзы Венгриа инеит, ԥшьымш еиқәырццакны арепетициақәа ирҿын, ҩ- ашәак нарыгӡараны иҟан: "Уазбақьи" "Ачарашәеи". Ахҭысқәа игәалаиршәон акомпозитор ихаҭа хәышықәса раԥхьа. Иара дымҩасхьеит, ииҳәазгьы шьҭа иҭоурыхуп, Иуа Коӷониа иажәақәа рыла иуҳәозар, "аушәақә иаазыркьаҿны" иааҳгоит:
"Нарҭаа" ашәа ҳәаны, акәашарахь ианиасуаз азал зегьы гыланы анапеинҟьара иаҿын, Arany páva (венгер: "золотой павлин") ҳәа ҿырҭуан еицҿакны, изыхәҭоу абарҭ роуп ҳәа аанарго. Ус иагьыҟалеит. Аицлабра иалахәын 22 ҳәынҭқарра.
Жәлар рартист Кәасҭа Ченгьелиа иҿала ари ахҭыс шеиҭеиҳәаз шәазыӡырҩыр шәылшоит абра>>

"Абыргцәа сцәааԥсар ҳәа сшәон, аҽны ус расҳәеит "Баба, иахьоуп аус злоу, иахьоуп ҳхы аныдҳарбаша" ҳәа. Даргьы џых-џыхӡа, хәарҭәаԥшь рымамкәа иҟан, иаԥсыуаамзи! Ашьыжь ашәыр аахәара ҳцеит абазарахь, ашәыр абжьы иазеиӷьуп. Ҳакрыфара акгьы агӡамызт усгьы, абысҭа ҳзыруан. Венгриаа абысҭаушьа абардыруаз, аха абас-абас ауп ҳәа расҳәан, аҟаҵашьа дансырҵеит, нас Болгариа ма Румыниа ицаны, ҳаирпланла ҩ-сакьк ашыла ааргеит...
Ахәылбыҽха асааҭ быжьба рзы ҳақәгылараны ҳаҟан. Аамҭа анааи ҳҽааибаҳҭан, ҳҿынаҳхеит. Сара асцена сықәлар ҟалаӡомызт, саарылалан, зегь сыгәӡит. Сара исылшоз акы агмыжькәа иҟасҵеит, шьҭарнахыс Анцәа инапы шәанысҵоит сҳәан, рҿынасырхеит".
"Нарҭаа" ашәа ҳәаны, акәашарахь ианиасуаз азал зегьы гыланы анапеинҟьара иаҿын, Arany páva (венгер: "золотой павлин") ҳәа ҿырҭуан еицҿакны, изыхәҭоу абарҭ роуп ҳәа аанарго. Ус иагьыҟалеит. Аицлабра иалахәын 22 ҳәынҭқарра.
Жәлар рартист Кәасҭа Ченгьелиа иҿала ари ахҭыс шеиҭеиҳәаз шәазыӡырҩыр шәылшоит абра>>
Please open Telegram to view this post
VIEW IN TELEGRAM
👍12❤6
А́ҿа (бокал, кубок) — рыжәга маҭәахәуп, пату зқәу акоуп, амҿы иалхны иҟарҵон, акыр идуун, аҩы аларжәуан. Ахраҿагьы ԥшрала иароуп, аха ахьӡ ишаҳәо еиԥш, уи ахарҵәи ахши ирызкын: ах-р-аҿа (букв.: "бокал для молочных напитков").
Абри аҩыза аинтерес зҵоу азгәаҭа ҟаиҵоит Баграт Шьынқәба еиқәиршәаз "Аԥсуа жәлар рпоезиа" ашәҟәаҿы. Абызшәа шцәажәо! Ажәақәа "ахраӡага", "ахаҷа", "ахҷаҭ", "ахџьаџьа", ахааҵа" рҿы иҟоугьы -х "ахш" иатәуп.
Ацәымш-уаҩымш инапкымҭа: ахраҿақәа — аххьала узлахәо (Рушьбеи Смыр)
Азҵаара цәырҵуеит, иҳамоума иҵегь абасала ишьақәгылаз, ачысмаҭәа аазырԥшуа ажәак ҳәа. Ҳхаҿы иааиуеит "аирыӡ", ХХ ашәышықәса азбжанӡа бзыԥаа рахь а́ҩрыӡ ҳәа зҳәозгьы уԥылон, уи ус шакәыз аирбоит бзыԥтәи адиалект монографиала иҭызҵааз абызшәадырҩы Хәыхәыт Бӷажәба, аҩ-ры-ӡ (глиняный кувшин для вина).
Ацыбжьыҟа -ҩ зынӡа ҳәа ашьҭыбжь -й ахь иахьиасыз ҿырԥшуп иара убас "аинцәыш" ажәа, ажәытә аԥсышәала ирҳәон "аҩынҵәыш" ҳәа, ацәажәараҿы иахьагьы иуаҳауеит: ҩажәа ахаҭыԥан — йажәа; алымҳарыҩ — алымҳарый, ажәҩан — ажәйан, афҩы — афйы, ажәыҩшәаҟьа — ажәишәаҟьа уҳәа убас иҵегь.
Аҿеи ахраҿеи 0,25 литра ркуеит, урҭ иреиҳауп ачаҟәа́, амашьара́ԥ, ахмаҷы́р — 0,5 литра, урҭ иреиҳауп аҭа́ҟә — литрак. Арҭ амаҭәарқәа ахархәара дуны ирыман, аҟәрышька ажәагьы ахаҭагьы аԥсуаа рыԥсҭазаара иаланагалаанӡа.
Убас, уажәшьҭа ҳара ҳхаан имузеи-ажәақәаны инхоит аԥшьырҳа́, абҟәы́л, аҟәџьа́л, аԥҳа́л, адыргьла́.
Афото аҟны: Аԥсҳа Баграт II ихьҿа, уаанӡа ашьапы аман (золотая чаша абхазского царя Баграта II, подаренная Бедийскому храму)
Please open Telegram to view this post
VIEW IN TELEGRAM
❤15❤🔥4👍3
Ашәҟәыҩҩы, аиҭагаҩ, апублицист, ауаажәларратә усзуҩ Ҳаири Қәҭарба имшироуп иахьа, 65 шықәса ихыҵит.
Ҳаири Қәҭарба — амҳаџьырқәа рхылҵшьҭра, диит Есмаҳаным ақыҭан (Дузџьа иаҵанакуеит), уажәшьҭа 15 шықәса инареиҳауп Аԥсны дынхоижьҭеи. Аԥсуа доуҳа иаалаӡоу, дшыхәыҷыз ихатә ҩымҭақәеи алакәқәеи аԥиҵон аӡыхь еиԥш дызҿыхәоз, адуцәа еибырҳәоз ажәабжьқәа шьаҭас иҟаҵаны. Аҟыбаҩ иланы изҳауан, даара деилҟьан, ашкол дҭалаанӡа аҩышьеи аԥхьашьеи иҵеит. Даныҩеидас акьыԥхь аҿы дцәырҵуа далагеит Кавказ иазку аҭоурыхтә статиақәа равторк иаҳасабала.
Ҳаири дызтәу абиԥарагьы, реиҳабацәа реиԥш, еснагь гәыҵхаз ирымаз аԥсадгьыл акәын. 1990 шықәсазы иҩызцәеи иареи еиҿыркааит ашәҟәҭыжьырҭа "Нарҭ", уаҟа иҭыҵуан хыԥхьаӡара рацәала аԥсуа-адыга жәларқәа рыӡбахә зҳәо ашәҟәқәа, адиаспора авторцәа рсахьаркыратә ҩымҭақәа. Редакторс даман "Алашара" ҳәа иҭыҵуаз ажурнал. Аҭырқәшәахь еиҭеигеит аԥсуа ҭоурыхҭҵааҩцәа Иури Аргәыни Гьаргь Амҷбеи русумҭақәа.
Ҳаири Қәҭарба аҭырқәшәала ирцәажәеит Баграт Шьынқәба ироман "Ацынҵәарах"! Тираж дула Сҭампыл хаз шәҟәны иҭижьит (1990). Игәыҭшьаагоу, уаҩ дызмырҭынчуа арҭ ахҭысқәа ирызкуп инеиҵыху иара иҭоурыхтә романгьы "Сыхдырҵәеит, сыхҵәараххеит", аԥсышәала иҭыҵит 2011 шықәсазы (еиҭ. Октаи Ҷкотуа).
Ҳаири Қәҭарба амшын еиҟәнашаз аԥсуаа наҟ-ааҟ цҳас ирыбжьоу агәбылыҩцәа дыруаӡәкуп, аамҭала "Абаза-ТВ" аҟны имҩаԥигон адиспореи арепатриантцәеи рыԥсҭазаашьа иазкыз адырраҭара "Аԥсадгьыл агәеисыбжь".
Иахьатәи Аԥсны акультура-уаажәларратә ԥсҭазаара аӡәы ҳәа далагылоуп, харантә ицәаара унықәԥшыргьы иаразнак угәы иунаҭоит — Даԥсыуоуп! Итәыла даԥоуп, ибжьы ҿацаӡа игоит. Аҩны иргылеит, аҵла еиҭеиҳаит, дынхоит, адгьыл дазааигәоуп. Агәабзиареи аԥсынҵра дуи изеиӷьаҳшьоит, илакҭа ччалааит, Анцәа дирманшәалалааит зегь рыла! Ҳгәы иладууп.
* Есмаҳаным ақыҭа ахьӡ аиуит Аԥснынтә зыуаажәлар ирыцхҵәаны ицаз Есма Ӡаԥшьԥҳа лыла

👍16❤10🎉3
Аҳҷыԥсаа рҭоурых дгьыл — Гәбаа-дәы аҵеџь еиԥш ижны иҟаҵоу ажәытәӡатәи адамра рыԥшааит уажә ааигәа, амҩа ҿыцк алгара ишаҿыз (акурорт есааира аҽарҭбаауеит). Аҩнуҵҟа аԥсыбаҩқәа ҭан, ахыбаҩқәагьы налаҵаны. Шәазхәыц изакә материалу кьыс амаӡамкәа иеиқәхаз!
Иҟоу адыррақәа рыла, адамра ԥыргамкәа аҵарауаа адрыԥхьалеит. Даара аинтерес аҵоуп хәба-фба нызқь шықәса зхыҵуа абаҩқәа р-ДНК анализ аныҟарҵалак иаҳәаша.
Иахьырԥшааз аҭыԥҵәҟьа дырзом, аха Гәбаа-дәы иахагылоу Аҽы́шьха ашьапаҿы акәхароуп ҳәа ҳгәы иаанагоит (урысшәала ахьӡ Ачишхо ҳәа иныжьуп). Араҟа адамрақәа жәабаҟа рыԥшаахьеит, иҵегь адгьыл иҵазаргьы ҟалоит, аԥсшьацәа рацәаҩны иаҭаауеит. Аԥсабара уамакала иԥшӡоуп. Насгьы, изларҳәо ала, ари ашьхаҿы еснагь ақәа леиуеит. Издыруада илаӷырӡышозар...
Ахыҵхырҭа>>
🧡 Ахьыуардын шәақәтәа
Иҟоу адыррақәа рыла, адамра ԥыргамкәа аҵарауаа адрыԥхьалеит. Даара аинтерес аҵоуп хәба-фба нызқь шықәса зхыҵуа абаҩқәа р-ДНК анализ аныҟарҵалак иаҳәаша.
Иахьырԥшааз аҭыԥҵәҟьа дырзом, аха Гәбаа-дәы иахагылоу Аҽы́шьха ашьапаҿы акәхароуп ҳәа ҳгәы иаанагоит (урысшәала ахьӡ Ачишхо ҳәа иныжьуп). Араҟа адамрақәа жәабаҟа рыԥшаахьеит, иҵегь адгьыл иҵазаргьы ҟалоит, аԥсшьацәа рацәаҩны иаҭаауеит. Аԥсабара уамакала иԥшӡоуп. Насгьы, изларҳәо ала, ари ашьхаҿы еснагь ақәа леиуеит. Издыруада илаӷырӡышозар...
Ахыҵхырҭа>>
Please open Telegram to view this post
VIEW IN TELEGRAM
👍23❤6
Ԥыхьа зыӡбахә ҳҳәоз амгьа́луардын аԥшра узырбо асахьа ыҟоуп. Ҩышә шықәса раԥхьа Кавказ ҭызҵаауаз афранцыз ныҟәаҩы, аконсул Жак-Франсуа Гамба иҭихит. Ишаҵаҩу ала еилаҳкаауеит, агырқәа рҿоуп иахьибаз, аха ҳара ҳҿгьы иныҟәон аҩызцәа.
Аҵарауаҩ ду Гьаргь Ӡиӡариа адәынтәи ианҵамҭақәа рҿы иуԥылоит абас еиԥш: "Ажәытә Аԥсны иҟаз амгьалуардын акәын. Уи иаҵан амҿы иалхны агьежьқәа. Ақәыԥа аныргыланы иҟарцон".
Ақәы́ԥа, ишдыру еиԥш, ахалагьы ахархәара аман аԥсуа ибзазараҿы, ажәытәӡа аахыс аԥсыӡ аларкуан. Арахь ааскьа ашьапы аҭангьы иҟарҵон, аџьықәреи бзианы ианҩалак убра иҭаԥсаны, ҭамскәагәла иасуа иҿдырпуан — арыцқәа кылшәшәаны икаԥсон (ианиҵеит Алхас Чхамалиа Аацы ақыҭан Чамагәуа Заабеҭ иҳәамҭаны).
✅ Ақәыԥеи аҭамскәа́гәи бзыԥтәи адиалект ажәақәоуп, абжьыуаа ирҳәоит аԥча́ҭла (плетеная корзина); акалакәы́т (деревянный молоток).
Амгьалуардын иаҵаз агьежь уахәаԥшыр даҽакгьы угәаланаршәоит — а́лу. Аҭҵаарадырраҿы иҟоуп убас еиԥш агәаанагара, ауаҩытәыҩса агьежь//акәыр ихәыцыр ауан ҳәа ажәытәӡа арыц зқәырҟәаҟәоз ахаҳә даҿыԥшны.
Иҵаҵӷәыдам, избанзар арыц-цҟьага ахаҳәқәа цәырҵхьан анеолит аамҭазы (VI — III азқь ҳера ҟалаанӡа), аԥсуаа иҳамоу аҳа́ҟьа аханатә изызкыз иароуп (зернотерка). Агьежь рыӡбеит ҳәа ԥхьаӡоуп Месопотамиа иқәынхоз ашумерцәа 3500 шықәса раԥхьа ҳара ҳера ҟалаанӡа.
🧡 Ахьыуардын шәақәтәа
Аҵарауаҩ ду Гьаргь Ӡиӡариа адәынтәи ианҵамҭақәа рҿы иуԥылоит абас еиԥш: "Ажәытә Аԥсны иҟаз амгьалуардын акәын. Уи иаҵан амҿы иалхны агьежьқәа. Ақәыԥа аныргыланы иҟарцон".
Ақәы́ԥа, ишдыру еиԥш, ахалагьы ахархәара аман аԥсуа ибзазараҿы, ажәытәӡа аахыс аԥсыӡ аларкуан. Арахь ааскьа ашьапы аҭангьы иҟарҵон, аџьықәреи бзианы ианҩалак убра иҭаԥсаны, ҭамскәагәла иасуа иҿдырпуан — арыцқәа кылшәшәаны икаԥсон (ианиҵеит Алхас Чхамалиа Аацы ақыҭан Чамагәуа Заабеҭ иҳәамҭаны).
Амгьалуардын иаҵаз агьежь уахәаԥшыр даҽакгьы угәаланаршәоит — а́лу. Аҭҵаарадырраҿы иҟоуп убас еиԥш агәаанагара, ауаҩытәыҩса агьежь//акәыр ихәыцыр ауан ҳәа ажәытәӡа арыц зқәырҟәаҟәоз ахаҳә даҿыԥшны.
Иҵаҵӷәыдам, избанзар арыц-цҟьага ахаҳәқәа цәырҵхьан анеолит аамҭазы (VI — III азқь ҳера ҟалаанӡа), аԥсуаа иҳамоу аҳа́ҟьа аханатә изызкыз иароуп (зернотерка). Агьежь рыӡбеит ҳәа ԥхьаӡоуп Месопотамиа иқәынхоз ашумерцәа 3500 шықәса раԥхьа ҳара ҳера ҟалаанӡа.
Please open Telegram to view this post
VIEW IN TELEGRAM
👍19❤10
🌳 Аччара ҿкуп, аччара хәшәуп — ааԥынтәи алафқәа
"Наҟ-наҟ"
Мҭы ҳәа нхаҩык Наӷбоу адгьыл икит. Уи адгьыл зтәызи иареи еимацәгьахеит. Ажәлар бжьанагалан иазырыӡбеит, иалшоны иҟазар адгьыл Мҭы иоужьхарц. Аизара ахьынтәи Мҭы дхынҳәны дшаауаз, уи адгьыл аҿы иргылаз иԥацха ааигәа аӡмах ахьынтәи адаӷьқәа рыбжьы аадыргеит: "Нааҟ-нааҟ!" ҳәа. Мҭы дыҭрысны дааҭгылан: "Арҭ Наӷбоутәи адаӷьқәаҵәҟьагьы наҟ-наҟ рҳәозар, сара ара сызнымхагәышьеит", –
иҳәан, наҟ иҿынеихеит.
"Гаха дҽырбон"
Гаха бзиа иибоз аԥҳәызба длыцны днеиуан. Бзиагьы деилаҳәан: икәымжәы, икаба, исааҭ, икьарахә, изиацкқәа уҳәа... Аԥҳәызба лылаԥш абарҭқәа зегьы ирыхьӡарц иҭахын иара, аха лара урҭкәа лымбаӡозшәа акәын дышнеиуаз. Ус инарывалеит ԥинак. Гаха дааҭгылан ала инацәа нақәкны ҿааиҭит абас: "Абни ала абыржәы сызиацк иацҳар, – ишьапы лаԥхьа иниеигеит, – аминуҭ аҩнуҵҟала – исааҭ днахәаԥшит, – агәаҵәа кылсыблаауан абыржәы!" – нациҵан икьарахә днас-наст.
"Сара амш сызгом"
"Ар ҳақәлеит, ар! Ахацәа шәҽеибышәҭ, еибашьра ҳцароуп!" – аизҿыҭра иаҿын ажаратәи анхацәа. Убри аамҭаз икәаҭан даҵаланы Бага данаарывала, џьоук рыбжьы наиқәдыргеит: "Бага, иҟоу умаҳаӡои? Нхыҵаа ҳақәлеит, еибашьра уҽеибыҭ!" Бага урҭ рышҟа дынхьаԥшын инараҭеикит: "Алаҵарамшха, аибашьра а́ха змада, сара амш сызгом!"
✍🏻 Анатоли Аџьынџьал иажәабжь кьаҿқәа рҟынтә
#аԥсуа_лафқәа

👍20❤6❤🔥3😁2
This media is not supported in your browser
VIEW IN TELEGRAM
Ажәа бзиоуп "ақәнага́", иаҳәо рацәоуп, иалшо рацәоуп. Аԥсышәала уанхәыцуа иара иахьаҭыԥу уҿаҿы имааир ауӡом. Ихатәроуп, адоуҳахьы ухьанарԥшуеит, уи иацырҟьоуп.
Аԥсуаҭҵааратә институт адиректор Арда Ашәба анцәахаҵара иадҳәалоу ажәытә шәҟәқәа ахьеиҭеигоз даара иманшәаланы ахархәашьа ҿыц азиԥшааит. Ас иҟоу атекстқәа ажәацыԥхьаӡа акакала, иашаԥҵәала ирцәажәо урҿызароуп. Убри азнеишьа алхны, аԥсшәа ахышәара-ҵышәара иҭагӡаны ишынагӡоу гәыҩбара ацым ари аус. Џьабаа дуӡӡоуп, аҵарадырра аихаҳаразы ихәарҭоуп, ауаа рзы иҳамҭоуп. Имаашьаз бзиарала дызлаго иус иқәҿиоит.
Аҵарауаҩ иҿцәажәара шеибгоу шәазыӡырҩыр шәылшоит абра>>
📖
Ақәнага́ — заслуженное, положенное, должное, справедливое;
Ақәна́мга — беззаконие, несправедливость.
Абзыԥқәеи, асаӡқәеи, аҳҷыԥсааи ирҳәоит "ақәнага́а" ҳәа.
🧡 Ахьыуардын шәақәтәа
Аԥсуаҭҵааратә институт адиректор Арда Ашәба анцәахаҵара иадҳәалоу ажәытә шәҟәқәа ахьеиҭеигоз даара иманшәаланы ахархәашьа ҿыц азиԥшааит. Ас иҟоу атекстқәа ажәацыԥхьаӡа акакала, иашаԥҵәала ирцәажәо урҿызароуп. Убри азнеишьа алхны, аԥсшәа ахышәара-ҵышәара иҭагӡаны ишынагӡоу гәыҩбара ацым ари аус. Џьабаа дуӡӡоуп, аҵарадырра аихаҳаразы ихәарҭоуп, ауаа рзы иҳамҭоуп. Имаашьаз бзиарала дызлаго иус иқәҿиоит.
Аҵарауаҩ иҿцәажәара шеибгоу шәазыӡырҩыр шәылшоит абра>>
Ақәнага́ — заслуженное, положенное, должное, справедливое;
Ақәна́мга — беззаконие, несправедливость.
Абзыԥқәеи, асаӡқәеи, аҳҷыԥсааи ирҳәоит "ақәнага́а" ҳәа.
Please open Telegram to view this post
VIEW IN TELEGRAM
👍19❤9
Ахьыуардын
Ажәа бзиоуп "ақәнага́", иаҳәо рацәоуп, иалшо рацәоуп. Аԥсышәала уанхәыцуа иара иахьаҭыԥу уҿаҿы имааир ауӡом. Ихатәроуп, адоуҳахьы ухьанарԥшуеит, уи иацырҟьоуп. Аԥсуаҭҵааратә институт адиректор Арда Ашәба анцәахаҵара иадҳәалоу ажәытә шәҟәқәа ахьеиҭеигоз даара…
Алеишәа, ақьабз, ақәнагаа — Аԥсуара злачаԥоу, еибызҭо, мамзаргьы изықәгылоу уасхыр хадақәас ишьоуп мшыннырцә иҟоу ҳашьцәа рыхдырраҿы, еиҳаракгьы аҳҷыԥсаа рҿы. Ҳәарада, арантә иргеит, Аԥсноуп иахьырҵаз, аха араҟа арҭ ажәақәа рҵакқәа еиҳа иҭшәахеит, "Аԥсуара" ахала зегь шьҭнахуа иҟалеит. Уа — еиҳа иӷәӷәахеит, еиҳа рыҽдырҭбааит. Уимоу, аԥсуареи алеишәеи синонимқәаны ианеибаԥсахуа рацәоуп адиаспора ражәаҳәаҿы.
Аԥсуара анышьақәдыргылоз 40 шықәса иаҿын рҳәоит. Ҩынҩажәа шықәса рышьҭахь иаҵанакуа шьарда ирацәаны иахьатәи аконституциақәа раҟара амч аманы, узахымԥо ишьақәдыргылеит. "Сара саԥсуара сзахымԥеит..." Таиф Аџьба иҳәон еиԥш.
Уи аԥсуаа рымацра ракәым, аедыгьақәа, аубыхцәа, аԥсуаа, ашәуаа зегьы еилахәны еицышьақәдыргылеит ҳәа иԥхьаӡоуп. Аҵыхәтәан иԥҵәаны иахьышьҭырхыз ҳәагьы Лыхны аӡбахә рҳәоит. Нас аҿар, "арԥара ԥшаахқәа" иахьыддырҵоз аҭыԥқәа ыҟан, убарҭ иреиуоуп Ҭәахы́.
Ҭырқәтәыла ианнанага амилаҭ хаҿра амырӡгак аҳасабала еиҳагьы игәцаракны ахьчара-аихаҳара иашьҭалеит жәларыкынгы, дасу ишилшоз алагьы. Убас, аҳҷыԥсаа иреиуаз Кәыџба Шараҭхәа иԥацәа аамҭа кьаҿк ала Аԥсуара аҵаразыҳәан, Алеишәа аҵаразыҳәан ҳәа аҩнеихагыла дыргылеит. Ари атемала астатиа шьахә лыҩхьеит абызшәадырҩы Алина Ачԥҳа — "Аԥсуара акодекс аҳҷыԥсаа ражәаҳәаҿы".
Алеишәеи, ақьабзи, ақәнагааи хаз-хазы ирыҵаркуа иазкуп Нонна Ҭхәазԥҳа абри лыстатиа >>

Sputnik Аҧсны
Аԥсуара – идоуҳатә кодекс дуны аԥсуаа иҳамоуп
Аԥсуара анышьақәдыргылоз ҩынҩажәа шықәса иаҿын рҳәоит. Ҩынҩажәа шықәса рышьҭахь иаҵанакуа даара ирацәаны иахьатәи аконституциақәа реиԥш ишьақәдыргылеит. Уи иаҵанакуа аԥҟарақәа рыхәҭа хәыҷык дазааҭгылоит Sputnik аналитик Нонна Ҭхәазԥҳа.
👍14❤7
Уаԥсуара уаԥхьа иургылар, иара умҩақәнаҵоит, ԥхьаҟа уагоит, зны-зынла аџьашьахәқәагьы унарҟаҵоит. Згәы амца акыз апоетесса Лиолиа Тәанԥҳа шаҟа лмилаҭ рхаҿра дазыгәдууз узырбо епизод хәыҷык. Аибашьра ҟалаанӡатәи Гагра, алитературатә хәылԥазы, агәалаҟара бзиа:
"Борис Гәыргәлиеи сареи ҽнак кәапеишәа ззал ҭәыз аԥсшьацәа рҿаԥхьа ҳақәгылон. Амҩаԥгаҩ Лиолиа Тәанԥҳа дҩагыланы сҩыза лхы наиқәылкуеит:
– Ажәа имоуп Алмысхан Гәыргәлиа!
– Беилагама, бара, Лиолиа? – аччара сызнымкыло слызҵаауеит сара, сҩыза иаб ихьӡ ҳәаны азал дахьыдлырдыруа.
– Ара итәоу аурысқәа рзыҳәан Алмысхан Гәыргәлиагьы Борисгьы зегь дара роуп, – лҳәеит.
Сара ажәа ансылҭозгьы иара убасҵәҟьоуп уи сшыдлырдырыз:
– Уажәы ҳаизыӡырҩып абаҩхатәра ҟаимаҭ змоу апоет Хәамԥа Бебиа!.."
✍🏻 Платон Бебиа игәалашәарақәа рҟынтә
#ахьӡқәа
🧡 Ахьыуардын шәақәтәа
"Борис Гәыргәлиеи сареи ҽнак кәапеишәа ззал ҭәыз аԥсшьацәа рҿаԥхьа ҳақәгылон. Амҩаԥгаҩ Лиолиа Тәанԥҳа дҩагыланы сҩыза лхы наиқәылкуеит:
– Ажәа имоуп Алмысхан Гәыргәлиа!
– Беилагама, бара, Лиолиа? – аччара сызнымкыло слызҵаауеит сара, сҩыза иаб ихьӡ ҳәаны азал дахьыдлырдыруа.
– Ара итәоу аурысқәа рзыҳәан Алмысхан Гәыргәлиагьы Борисгьы зегь дара роуп, – лҳәеит.
Сара ажәа ансылҭозгьы иара убасҵәҟьоуп уи сшыдлырдырыз:
– Уажәы ҳаизыӡырҩып абаҩхатәра ҟаимаҭ змоу апоет Хәамԥа Бебиа!.."
✍🏻 Платон Бебиа игәалашәарақәа рҟынтә
#ахьӡқәа
Please open Telegram to view this post
VIEW IN TELEGRAM
Telegram
Ахьыуардын
Уаниуаз иааугаз, унарцәахь иугоит,
иуциз акрыҟазар, адунеи иазынхоит.
(Ажәаԥҟа)
Сынтәа, Аԥсны ахақәиҭра 30 шықәса анахыҵуа, лыӡбахә мҳәакәа ҳзавсуам ҳиааира агимн ажәақәа зҩыз апоет Лиолиа Тәанԥҳа. Иахьа лара даниз амш ауп.
"Мамзышьха, Мамзышьха – ҳбаагәара…

❤22👍2
Ахьыуардын
Аԥсны аҭоурыхтә-культуратә ҭынхас ишьоуп 1️⃣5️⃣3️⃣5️⃣ баҟа. Ҳҵакырадгьыл амҽхак иаршәаны уаазхәыцыр, ҳхазы мацара акәым адунеи азы шаҟа ҳбеиоу еилукаауеит. ИУНЕСКО аспециалистцәа абра иааны, ҳазлашәыхәари ҳәа, уахгьы-ҽынгьы аҭҵаарақәа мҩаԥго, еиқәханы иҟоу…
Мшаԥымза 18 жәларбжьара Абаҟақәа рыхьчара амш азгәарҭоит.
Адунеи ахьынӡанаӡааӡо акультуратә ҭынха аиқәырхара шаҭаху азы игәаларшәагоуп ари амш, амилаҭқәа идырҿиаз рдоуҳатә культурагьы налаҵаны. Еидаҳкылеит лымкаала аԥсуа хәыцшьа зныԥшуа, ҳажәлар рҟәыӷареи, рыхшыҩҵарреи, рԥышәеи мҩашьахуа изнубаало ажәаԥҟақәак:
• Хар анумам ухы дыр.
• Ауаҩы ишьҭахь ицәгьа умҳәан, иаԥхьагьы уасны думырҽхәан.
• Аҽырдура агаӡара иатәуп.
• Ацгәы абжьас саҟарахоит ҳәа ишаҿыз иԥжәеит.
• Укалҭ зкыз дудкыл, ухәдацәа зкыз уигәҭас.
• Сгәаҵәа рԥҳазар, исычҳарын.
• Адагәара акәым ишәарҭоу, аҽырдагәароуп.
• Аҽырдагәа "сыҭ" иаҳауам, "усҭ" иаҳауеит.
• Зыбла аарту аԥшәма ихәашагьы ҿаҵоуп.
• Ачеиџьыка змаиааиуа мал ыҟам.
• Аӡеи аҩеи еидӷьалауам.
• Ҽык ҩ-кәадырк узақәҵом.
• Анышь иақәымтәац ажәҩа изаҵшьом.
• Зызна кауҭәаз азна узышьҭыхуам.
• Аиха аншым иузыӡрыжәӡом.
• Аиха иаҿухыз аихашәа уибоит.
• Ауаҩы амш дақьаранџьуп.
• Агәы зражәуа агәырҩоуп.
• Адгьылгьы ажьы ахьуеит.
• Ашәыр мптыкәа ишәҭӡом, ауаҩы дымшәыкәа дуаҩхаӡом.
Ахыҵхырҭа: Кәыҷа Лакрба "Иҭамбаӡо аӡыхь", 1979
#ажәаԥҟақәа

👍14❤5
Ахьыуардын
Апоет диуеит, аха дыԥсӡом. Зашәақәа узымшьуа Таиф Аџьба иахьа 85 шықәса ихыҵит. Ҳаԥсшәа ԥшӡа адунеи ақәлара иаԥсан мышкызны иара иажәеинраалақәа алаиҩырц азыҳәан мацарагьы. Анцәа абаҩхатәра лыԥшаах злеиҵаз ауаҩы, арҿиаҩы. Ухы ианаушьаша иреиӷьу разҟуп — иԥхьара.…
Ари амшгьы цеит ашьшьыҳәа,
Имҳәа-мырзакәа рацәак.
Инеихызгеит саргьы акы ҳәа
Сыҿҳәара мыждахь шьаҿак.
Ных, аԥсҭазаара гызмалуп,
Иҳамбакәоуп ишҳацәцо.
Ҳзықәнаргәыӷуа жәҩанӡа ихалоит,
Аха имаҷуп ҳзыхьнагӡо.
Аха усгьы саԥхьа угыла,
Сгәыӷра, снагала сжьа-жьо...
Исзааугозеишь амш игыло!
Уара уакәӡоуп сгәы зҟажо.
Таиф Аџьба
#алирика
Абра еидкылазааит Апоет ирҿиара иазкны Sputnik Аԥсны сынтәа ианылаз Елеонора Коӷониаԥҳа лыстатиақәа:
• Таиф Аџьба дпоетны диит
• "Сықәуп сара адгьыл, аиаша сҽаршьны": Таиф Аџьба иуаажәларратә лирика иазкны
• "Ҳарҭ ҳарҳәацәаргьы иагьа – аԥсҭазаара ԥшьоуп – агәра га…": Таиф Аџьба илирика азхәыцра
• "Аԥсуа бырлаш дахаҿырбагоуп": Даур Наҷҟьебиа Таиф Аџьба изку иҿцәажәара
Иара убас даара хшыҩҵак хьыршәыгәла еибаркын апоет Дырмит Габалиа арадио аҿы иқәгыларагы:
"Таиф Аџьба ирҿиарахь азҿлымҳара еихсыӷьра ақәӡам, аҽарҭбаауеит"

❤33👍8❤🔥3👏1
Кавказ адгьылқәеи уи иқәынхо ашьагәыҭ жәларқәеи наџьнатә аахыс атәымуаа рылаԥш азырхан. Ижәытәӡоу аҭоурых ишагәеисырҭоу аҟара дырны иаҭаауан аҵарауаа, аныҟәацәа, анаԥшааԥшцәа рцәаҩны. Убарҭ дреиуан XIX ашәышықәса аҽеиҩшамҭазы арахь иқәнагалаз анемец шәҟәыҩҩы, апоет, аиҭагаҩ Фридрих Боденштедт (диижьҭеи 205 шықәса ҵуеит).
Кавказ акыр далсит, амилаҭқәа рынхашәа-нҵышәа, рҭоурых, рыбзазара дазҿлымҳаны иҭиҵаауан, акырӡа аинтерес зҵоу, ихәарҭоу аҩымҭақәа аԥиҵеит. Аԥсны ҩынтә даахьан, Шәача, Пицунда, Аҟәа дыҟан. Аԥсуаа ихы-игәаҿы ишынхаз атәы зҳәо ажәеинраала имоуп. 1865 шықәсазы Миунхен иҭыҵит ишәҟәы "По Большой и Малой Абхазии. О Черкессии". Аԥсуаҭҵаараҿы акрызҵазкуа ари аусумҭа аԥхьажәа нагӡа-аагӡеи, азгәаҭақәеи, ахҳәаақәеи ацҵаны иҭижьит, редакторсгьы дамоуп аҭоурыхҭҵааҩ Денис Чачхалиа (2002).
Лымкаала аинтерес рыҵоуп асаӡқәа ирызку Боденштедт ианҵамҭақәа, урҭ рмилаҭ хдырра шыҟаҵәҟьаз ааирԥшит: "Жители Абхазии и Джигетии сами себя называют апсуа, а свою общую страну – Апсне". Раԥхьатәи аԥсуа ҵарауаҩ, афицар Соломон Ажәанба иԥсҭазаара иадҳәалоу, уаанӡа идырмыз аӡбахәқәа нижьит.
Аха зегь акоуп, атәымуаа реиҳараҩык инагӡаны ҳшырзеилымкаауаз, егьа ирҭахызаргьы ҳдунеихәаԥшра, ҳгәаҭа ишацәыхараз рҩымҭақәа ианырныԥшуа ыҟоуп, цәаҳәабжьара акәзаргьы иуныруеит. Убас иҟоу цыԥҵәахак ҳԥылеит ари ашәҟәыҩҩы иҟынгьы, 1845 ш. аԥхын Шәача даныҟаз аԥсуа аамсҭацәа дрыхәаԥшуа имшынҵаҿы иҳәоит:
Анаԥшҩы дхыршәҩуп. Иҟалап, ашьоуреиԥш иҟаз ақьабз џьбарақәеи, иушьыргьы ампыҵахалаҩ имч ианышәарц зҭахымыз ашьхарыуаа рцәаҩақәеи ирхиҳәаазар, уи азы гәыбӷан иаҳҭарым. Аԥсуара-адыгара зырҿиаз ажәларқәа доуҳала ишӷармыз ркультура ахаҭа иаҳәоит.

Неописуемое удовольствие смотреть на этих высоких сильных людей со сверкающими глазами, выразительными лицами, гордой походкой и непринуждёнными движениями. Каким бы прекрасным мог быть этот народ, если бы духовная красота была здесь на таком же уровне, как красота телесная! В отношении телесной красоты мы, цивилизованные европейцы, по сравнению с черкесами – просто уроды.
Анаԥшҩы дхыршәҩуп. Иҟалап, ашьоуреиԥш иҟаз ақьабз џьбарақәеи, иушьыргьы ампыҵахалаҩ имч ианышәарц зҭахымыз ашьхарыуаа рцәаҩақәеи ирхиҳәаазар, уи азы гәыбӷан иаҳҭарым. Аԥсуара-адыгара зырҿиаз ажәларқәа доуҳала ишӷармыз ркультура ахаҭа иаҳәоит.
Please open Telegram to view this post
VIEW IN TELEGRAM
👍14❤4
Адиле Аббас-оглы (1921-2020) заамҭа иаиааиз хаҭароуп, ус наунагӡа дагьаанхоит аԥсуаа ҳҭоурых аҿы.
XIX ашәышықәса еиқәаҵәа анааиҩшоз лабду аџьам Аԥсны агәыбылра кны нхарҭас иалихит, ара ииз лаб изы иԥсадгьылхеит, лара лыбжа аԥсыуан, аӡеиԥш аԥсшәа лҳәон. Лассы-лассы илгәалалыршәон дхәыҷны игәнылкылаз лаб иажәақәа: "Аԥсны зегьы реиҳа бзиа избоит, избанзар аԥсуаа ахьы иаҩызоуп, ажәа мыцхә рҳәаӡом. Бымшәан, Аԥсны есымша иҟазаауеит, сара сдунеи сыԥсахыргьы, иара шышәҭло агәра згоит" ҳәа. Уажәшьҭа шәышықәса даназааигәахоз зыхшыҩ еилшәарак ақәмыз лхаҭагьы арҭ иажәақәа еиҭалҳәеит.
"Лара илхылгаз ахлымӡаах аҩыза зхызгаз рацәоуп арепрессиақәа раан, аха урҭ рахьынтә иааԥшит ауаа ҷыдақәа, аџьамыӷәа цәгьа ианҭадыргылагьы иуаҩны инхаз. Сара еиҳараӡак исгәалашәоит илылаз адоуҳамч. Уахьлыхәаԥшуаз, уахьлацәажәоз лышәагаала дыхәҷызшәа убон, аха агәамч дуӡӡа лыӷран, лыҩнуҵҟантә аԥхарра ду, аенергиа ааиуан. Илхылгаз зегьы даарҟәаҵны, ауаа рахь абзиабара, ауаҩра агәрагара аалырԥшуан, лыла аԥхарра хын. Ас еиԥш зылшо адунеи аҿы даара имаҷуп, аԥсуаа рзы дуаҩы лашаны лыхьӡ аанлыжьит" — аҭоурыхҭҵааҩ Гәырам Гәымба.
Мшаԥы 23 Адиле Аббас-оглы даниз амш ауп. Илҩыз лышәҟәы дызлаԥшыз ахҭысқәа лара лыбла ишхымҵуаз еиԥш иаԥхьаз зегьы ирхамшҭуаны иҟанаҵеит. Хазы Нестори Сариеи инапылаҟаҵарам абаҟа рызлыргылеит. Аҭоурых даҿахәҳәаганы даҳқәашьын. Лгәалашәара ԥкымзааит, лыԥсаҭа бзиазааит.

❤19👍9❤🔥3
Дырмит Гәлиа иҩны-амузеи* сынтәа 50 шықәса ахыҵуеит. Ари ахәышҭаара аиҿкаареи аршәҭыкакаҷреи зџьабаа аду дреиуоуп иԥҳа Татиана — Аԥсны акультура зҽаԥсазтәыз аусзуҩ. Диит лара мшаԥымза 25, 1919 шықәсазы, диижьҭеи иахьа 105 шықәса ҵуеит.
Аԥсуа литература ауасхыршьҭаҵаҩ иҭаацәараҿы изызҳаз аҭыԥҳа ззанааҭдырра ҳаракыз филологын, аҭҵаара лнапы алакын, акраамҭа Аҟәатәи арҵаҩратә институт аҿы аус луан, аурыс литература нҭырҳәцааны илдыруан. "Аџьа аветеран" ҳәа амедал ланашьан.
1980 шықәсазы Дырми Гәлиа иҩны-амузеи адиректорс дҟалеит, аԥсҭазаара ҿыц ҩнашылеит лхаан. Жәларык рырккаҩы ихандеира иашаҳаҭыз аҭыӡқәа иркыдԥшылалак аамҭақәа реигәныҩра иаҳартә аҟаҵараҿы илылшаз рацәоуп. Амузеи иалҭеит лаб игәалашәара зцыз амаҭәарқәа маҷымкәа. Уи инаҷыданы Дырмит Гәлиеи аҳәаанырцәтәи ашәҟәыҩҩцәеи аҵарауааи реимадарақәа, ирыбжьаз ашәҟәқәа лыԥшаауан, еизылгон.
Аԥсны жәлар рџьынџьтәылатә еибашьраан, ашәарҭа шыҟазгьы, амузеи ааныжьны, Аҟәа далҵны дымцеит. Гәымшәарыла аӷацәа ирцәылхьчеит лаб ихәышҭаара, аԥсуаа ҳкультуразы ҵакыс иамоу еилкааны.
Татиана Гәлиа лыԥсҭазаара далҵит 1997 шықәазы. Лааԥсарақәа мыӡит, лыхраҭ бзиазааит!
* Ахыбра ахаҭа даара акрахыҵуеит, Дырмит Гәлиа аҭаацәара даналала иргылеит 1912 шықәсазы, уи инаркны 1960 рзы иԥсҭазаара далҵаанӡа уа дынхон, Аҟәа архитектуратә баҟақәа ирхыԥхьаӡалоуп. Амузеи аартын 1974 шықәсазы, ашәҟәыҩҩы ишәышықәсахыҵра иақәыршәаны.

👍18❤🔥4❤3
Аԥсны Афырхаҵа Даур Амқәаб иԥсы ҭаны ари адунеиаҿ дҳалагылазҭгьы иахьа 65 шықәса ихыҵуан (1959-1993).
Даур занааҭла дҭоурыхҭҵааҩын, Аԥсуа университет аҭоурыхтә факультет даналга аус иуан Аҳәынҭқарратә музеи аҭҵаарадырратә усзуҩс, нас Аҟәатәи асахьаҭыхратә ҵараиурҭаҿы рҵаҩыс.
Аибашьра иалагаанӡагьы заа зҽырхианы абџьар иаҵагылаз агәеиҵамхақәа дреиуоуп. Деибашьуан Гәымсҭатәи афронт аҿы, ари ахырхарҭала аԥсуа ар имҩаԥнагаз ихадароу ажәыларақәа зегьы дрылахәын. III абаталион аштаб деиҳабын.
Шықәс дуӡӡак инацны згәыӷра згәыҵаҳәҳәа ахақәиҭра иазықәԥоз Аԥсны аԥацәеи аԥҳацәеи рыблақәа ззырхаз Аҟәоуп. Аҳҭнықалақь агара иазкыз аҵыхәтәантәи Цәыббратәи ажәыларахьгьы хамеигӡарала иҭыҵит ҳар. Аха ашьамҩа ианыз рахьтә зегь рылахь иангәышьамызт Аиааира абара. Даур Амқәаб дҭахоит амза 18 рзы, Иашҭхәа. Ибаталион адҵаҟаҵаҩ данырхә, ицымхәрас дгыланы ирыдыз адҵа наигӡеит, аӷа иблиндажқәа ҩба ицҟьеит...
Уи аҽны зыеҵәахә кыдшәаз агәымшәақәа рацәаӡан, Мирод Гәажәбеи Адгәыр Инал-Иԥеи назлоу. Убас, аҳәынҭқарра аргылараҿы здырреи, зыхшыҩи, зҟазшьа ссирқәеи, згәыцқьареи хәарҭахашаз аӡә иакәын Даур Амқәабгьы, аха "ҳара ҳҭынчраз даанхоит еибашьҩыс". Ихьӡ кашәара ақәымзааит!

❤20😢5
Иахьатәи амш, аурысқәа "Вербное воскресенье" ҳәа изышьҭоу, ҳара Аиа-баи́иа ҳәа ҳашьҭоуп, аха уи адагьы иҵегь аҳәашьақәа аман аԥсышәала: Амшма́ра, Шәҭыҟәшәа́н.
Аԥсуа хьӡқәа зыдҳәалоу уажәааны ишәҭуа амшаԥышәҭқәа роуп, мамзаргьы ама́р ма ама́рч/амарџь (лютики). "Абаииа" абырзеншәахьтә иаланагалеит, "ваий" — апальма амахә аанагоит, Иаса Қьырса Иерусалим иҭалараан иегәырӷьаны излаиԥылоз.
Амшаԥныҳәа мчыбжьык шагу Аиа-баииа амҽышазы ашьыжь аҳәсеи ахәыҷқәи амшаԥышәҭқәа еизганы аҩны хырҟьон, абарҵақәа дырԥшӡон. Нас аԥшәмаԥҳәыс кәтаӷьк аашьҭыхны ашәҭ ҩежьқәа ирыларкәымпылуа хынтә ахәышҭаара иакәлыршон: "Абри акәтаӷь агәы шҭәу еиԥш ҳҭәы-ҳаԥха, иаҳфо-иаҳжәуа ҳагымкәа, ҳаԥсҭазаара ҭәны иҟало" ҳәа дныҳәаны. Уи акәтаӷь аџьар асахьа анырҵон, Мшаԥазы иршәуан, зегь раасҭагьы иӷәӷәахоит ҳәа гәаҭаны ирыман.
Акәтаӷь абас иахьдыркәымпылуаз ашәҭқәа ахрыӷгьы рықәдырҳәҳәон. Аҵарауаа ишазгәарҭо ала, ари ақьабз ажәытәӡатәи адгьылқәаарыхратә магиа анырра адубалоит, наџьнатә аахыс аԥсуаа адгьыл ҳшадҳәалоу аанарԥшуеит.
🌼 🌾🥚
Абри аганахьала аинтерес аҵоуп аԥсшәа иалоу афразеологизм: "Акәтаӷь былгьоит" (Полное спокойствие; мир; безмятежность; "Тишь да гладь, да Божья благодать").
Асахьа: Иулиа Даркова

👍16❤4
Forwarded from Ахьыуардын
Абаииа нас иабаргоз?
Амшаԥышәҭ (абаииа) акәтаӷь ыларбылгьаны ианалгалак ашьҭахь иаразнак ишьҭырхуамызт, иркәаҳауан. Амчра амоуп, зшьапы ылазыргыло ихәоит ҳәа иԥхьаӡан. Аҭаацәара иалаларатәы иҟаз аҷкәын-аӡӷаб иргәыдрыԥсалон амшра рзаанагарц. Хшара дзаураны иҟаз аҭаца илықәрыԥсон "Хьаада-баада аҿиарамҩа банылааит, бманшәалахааит!" ҳәа.
Уи ашьҭахьгьы икарыжьуамызт, ирҵәахуан, асар, аӡар, аҳәарақәа, аҽҵарақәа ирықәрыԥсон амшра ацуп, цәгьара рзаанагом ҳәа. Арахә еимгәаз ирдыдны, ахәы анарҭоз иаларҵон иманшәалахарц, хьаралагьы ибзиахарц, алаԥш амысырц.
Ааԥын хьшәашәараны абаииа мышәҭыцзар, ашыцгьы ааргон. Асаби данилак гәабанс имаз, ауаҩы идунеи аниԥсахуагьы иҵарҵоз ашыц аҩны ааигәа иҟан, агәашә аԥхьа еиҭарҳауан, згәы цқьамкәа иааиуа ауаҩы, аиаҵәара-ашыцра дагәылсны дахьцо имчра бааԥсы ихнахуеит ҳәа агәра ргон.

👍22❤5
Иналукааша аԥсуа сахьаҭыхҩы, аҿыханҵаҩ, аграфик, акәалџьҩы Заур Мықәба имшироуп иахьа, 80 шықәса ихыҵит.
Ҳазшаз абаҩхатәра злеиҵо рҿы ишыҟалало еиԥш, Заур Кәакә-иԥа аҟазара дшатәу ааԥшит дшыхәыҷызнатә. Ашкол данҭала инаркны асахьа ҭихуан, саԥхьаҟа уи сҽазыскуеит ҳәагьы ӡбаны иман. Аҟәатәи асахьаҭыхратә школ ҳәа иҟаз даналга Харьковтәи асахьаҭыхра-ааглыхратә институт дҭалоит, иахьатәи ала адизаин афакультет. 1980 шықәса раахыс Аԥснытәи аҳәынҭқарратә музеи аҟны асахьҭыхыҩ хадас дыҟоуп, аамҭала Аԥсуа университет аҿы алекциақәа дрыԥхьон.
Ирҿиаратә ԥсҭазаараҿы иаԥиҵахьоу аусумҭақәа даара ирацәоуп, тема хадас ирымоу — Аԥсны аҭоурых, абзазара, аԥсабара аԥшӡара, аԥсадгьыл азгәыбылра. Аруыс-Кавказ еибашьра еилгеижьҭеи сынтәа 160 шықәса анҵуа имҳәакәа ҳзавсуам еиҳарак лассы-лассы дзызхьаԥшуа, дзыргәаҟуа ахьаақәа ишыруаку амҳаџьырра. Еицырдыруа исахьақәа ирхыԥхьаӡалоуп иара убас "Адольменқәа", "Ажьи", "Абырг", "Кьараз", "Аҟәа акәша-мыкәша", апеизажқәа "Сқыҭа", "Аӡиа Риҵа", "Ашьха қыҭа" уҳәа егьырҭ.
Заур Мықәба Аԥсны асахьаҭыхцәа реидгыла еиҿнакаауа ацәыргақәҵақәа дрылахәуп ҳтәыла аҩнуҵҟеиԥш уи анҭыҵгьы, ҵыԥх имҩаԥысит хаҭалатәи ицәыргақәҵа. Иалкаау иусумҭақәа иблыз Амилаҭ сахьатә галареиаҿы ишьҭагәышьан, аха иҟоуп имаҷымкәа ахатәы коллекциақәа рҿы зыбла аргәырӷьогьы Аԥсны, Урыстәыла, Шьамтәыла, Европа, Америка.
Агәабзиара-агәамч, аԥсынҵра ду изеиӷьаҳшьоит, арҿиаразы агәаԥхара-ахаԥхара имазааит.
📖 Акәалџьара, азаҷра, ачаԥара — чеканить

👍13