Ахьыуардын
1.26K subscribers
1.38K photos
220 videos
1.66K links
Ахьыуардын — аԥсуа бызшәеи, аҭоурыхи, акультуреи ирызку апроект ҷыда. Напбзиа-шьапбзиа ахьыуардын дақәтәоуп. Шәҳацла: ахьы хәыҷуп, аха шәкы ицоит, аӡә дышәҩыкны дҳаԥхьаӡоит.
Download Telegram
Агәылеи агәи. Арҭ амшқәа Аԥсны Урыстәыла иацџьабоит. Амза 22 ауха Москва иҟалаз аԥсыҭбара рацәа зцу атеракт згәы иалымсыз, зшьара иқәнамырҟьаз аӡә дыҟамзар ҟалап.

Еилкаашьа узаҭом, иарбан мчы еиқәаҵәоу ауаҩытәыҩса иӷра иҭшаз абас изырҟаҵар зылшо. Аха... ауаҩы дангыгшәыгха, ауаӷеимшхара, агыгшәыгқәа зегьы дреицәоуп.

Рыԥсы ҭынчзааит гәымбылџьбарала иааргәыдҵаны ишьыз, уи ахыбра хлаҳәацәгьа издәылымҵӡакәа зыхраҭ иазцаз агәаҟқәа. Ргәы бзиахааит ахәра зауны ишьҭоу, зыԥсы ахац иаку ауаа. Аамҭа бзиа рыхьӡааит ақьиақәа зегьы адунеи аҿы инхауа.

🧡 Ахьыуардын шәақәтәа
Please open Telegram to view this post
VIEW IN TELEGRAM
😢232
Акәакәар изыхныҳәо ашә адагьы акакан агәылаҵаны ирӡуан ажәытәан. Кәыҷа Лакрба ишәҟәаҿы иаҳԥылеит ус еиԥш ("Иҭамбаӡо аӡыхь", 1979 ш.). Иара ишиҳәаз ала, Ажьырныҳәа // Хьачхәамазы анкьа ирӡуаз акәакәарқәа акакан рыӷран.

Аныҳәа мчыбжьык аҟара шыбжьаз араҵла мҿы иҩаны иҟоу, аԥырӷы рацәа ҟанаҵоит ҳәа, аингалара иалагон ахацәа. Уаҵәы Хьачхәамазар, иахьа шьыбжьышьҭахь еиԥш амҿы еихәлажьны амца агәгәаҳәа еиқәырҵон, ахәшҭаара аршра иалагон. Акәара ахықәқәа, аҿыџьрақәа рҿы изызҳауа аҵиаа зыбӷьы ҟьаҟьоу ҟәшәаны иааргон, акәакәар анырӡуа иақәырҵарц.

Акакан арыц аҳаҟьаҿы ԥхныгала иаасуа ирхәахәон, убра аҵыбреи араҳанеи еиларҟәыҷны иарҭон, нас амажәа иагәыларҵон. Акәакәарқәа ҷаԥшьӡа ианӡлак иааҿҳәыхны, ирыцқьаны кәтыхӡыла арашы рхьыршьуан, еиҳагьы иҟаԥшьӡа иҟаларц. Арыци, араҳанеи, аҵыбреи рыфҩы лаҳалаҳауа акәакәар агьама дырхаауан. Ари арецепт ачгара иҵоу иԥыршәар ҟалоит.

📖 Аҿы́џь — грот

🧡 Ахьыуардын шәақәтәа
Please open Telegram to view this post
VIEW IN TELEGRAM
👍165
Ари жәдыруазма?

Акәакәар иазку аурысқәа рлакә "Колобок" ажәытәӡа даҽакала еиҭарҳәон. Акәакәар хыҭкәеи алыгажәи аҭакәажәи ианрыцәца, ашәарахқәа изԥылоз зегьы (ажьа, ақәыџьма, амшә) иацҳаны ҽыҭк-ҽыҭк амырхуазаарын, аҵыхәтәан абгахәыҷы ҵыхәабаба ианаба ицәаҳаҳаны цәынха хәыҷык акәын иҟаӡаз. Ари афырҳәа илбааздап шаҳәоз илахәлахан, еимҳәа-емсо цәгьала аҟырҟы иҭыхны иканажьт. Акәакәар ас аԥсы анаиу, иаақәгьежьаан, егьырҭ ашәарахқәа ирфахьаз аҽыҭқәагьы рымхны ҩаԥхьа ишеибгаз еиԥш икәаруа аҩныҟа игьежьит.

Аханатә ари алакә акосмогониатә ҵакы аман, амза афазақәа рҽеиҭакра аанарԥшуан, уи агхареи ацлареи. Афольклористцәа иҭырҵааит уи ус шакәу. Ахәыҷқәа ирзеиҭашәҳәа ари аверсиагьы, ишыргәаԥхо жәбап. 🤗

🧡 Ахьыуардын шәақәтәа
Please open Telegram to view this post
VIEW IN TELEGRAM
👍183
Академик Шоҭа Ҟасҭеи-иԥа Арсҭаа идунеи иԥсахгәышьеит. Гәалсра дууп, имԥсуа аӡәгьы дыҟам, аха иацы акәымзи Аԥсны ахы-аҵыхәа имшира анидаҳныҳәалоз. Иҵегь ԥыҭк дҳамазар ҳҭахын. 😢

Аԥсуаа ишырҳәо еиԥш, иуазыри-иуасиаҭи ҳазныжьны дцеит. Иԥсадгьыл аҭоурых даларсуп, ишьҭамҭа ӷәӷәаӡа ианиҵеит, ҵҩа змам иааԥсарақәа, иџьабаа ижәлар ирзынхоит. Дахьнеиуа дазымшхааит, иԥсаҭа лашазааит. Иҩызцәа гылалааит Аԥсны! 🙏🏻

🧡 Ахьыуардын шәақәтәа
Please open Telegram to view this post
VIEW IN TELEGRAM
😢16🙏9😭61
Аԥсуа режиссиор Наур Гармелиа раԥхьаӡатәи зметр кьаҿу ифильм "Аҵыхәтәантәи ахәԥса" аҳамҭа рацәа еизнаҳәҳәеит Ханты-Мансииск, адебиутқәа иахьрыхәаԥшуаз Жәларбжьаратәи акинофестиваль аҟны. Қәҿиара дууп иара изы, гәахәароуп, игәадуроуп Аԥсназы. Идаҳныҳәалоит 🎉🎞

Ари аҷкәын аҟазара шилыжжуа заа иааԥшхьан, ҳаамҭазтәи аԥсуа литература иазҿлымҳау аԥхьаҩцәа иргәалашәоит гьамала, аԥсышәа гәылыршәала ииҩуаз ажәабжьқәа. Урҭ рылоуп ирҿиаратә мҩа шхациркыз. Убасҟан дгәалҭеит аҿар рзы алитературатә клуб еиҿкааны измаз ажурналист Елеонора Коӷониаԥҳа.

Sputnik Аԥсны ианылаз уажә ааигәатәи реиҿцәажәараҿгьы Наур иҳәеит "зсахьаркыра ҳараку акино – абжьи аԥштәи зцу литературоуп" ҳәа. Абаҩхатәра злоу, апроза бзиа аԥҵара зылшо авторцәа дреиуоуп, ҳәарада. Иахьа имч-илша, ихәыцра зызку акино ауп, иреиҳау аихьӡарақәа изыԥшызааит!

Наур Гармелиа аҭыхрақәа мҩаԥигарц ахьиҭаху аҭыԥқәа зегь раԥхьа иргылоит иқыҭа гәакьа Гәыԥ. Иџьоушьаша, Гәыԥ иҟоуп Ады́ӷаџьара захьӡу аҳабла, англыз бызшәахь еиҭоугозар — Hollywood. Аԥсны акинематограф аизҳазыӷьареи иара игәахәтәы анагӡареи ирдыргахааит абри аҩыза аиқәшәара! Ҳиқәгәыӷуеит.

🧡 Ахьыуардын шәақәтәа
Please open Telegram to view this post
VIEW IN TELEGRAM
👍194
Еицырдыруа аԥсуа жәабжьҳәацәа дуқәа, аҿаԥыц-уаа Ҟасҭеи Арсҭаа, Маадан Сақаниа, Синаҭ Џьниа, Тыкә Кәыҵниа ирыхҳәаалоу Мушьни Лашәриа иажәеинраала:

АԤСУА БЫРГЦӘА

Аԥсуа быргцәа, шәмыццакын,
Иҳарашәк Сасрыҟәа илша!
Иашәырҳәа аԥхьарца, аҿарпын,
Ачараҿ жәытә ҵасла шәкәаша!

…Ажәабжь сашәҳәа, зны Лыхны
Гәаӷла ахы цаҳә-цаҳә зыҭҟьаз,
Шәа шәызхылҵыз абџьар кны
Реицықәгылара зыхҟьаз!

Исашәҳә, кьаразаа – иахьеи уахеи
Алакәаба изизҵаауаз?..
Исашәҳә, ҭауади-аамысҭеи
Ишырцәыжәгоз аҭарчеи!..

Гомер уицырҟьоуп, Ҟасҭеи,
Ус уагьаанхоит бзанҵы!..
Игәыҿкаагоуп уашәақәа рдунеи,
Изласҳәои уԥхьарца абзырӡы?!

Жәытә жәабжьк уалага, Маадан,
Иԥшуп Ҟәыбина аԥшаҳәа…
Нарҭааи уареи "шәеимадан", –
Нарҭаа зеиӷацәахаз ҳәа!..

Арамҵа шәшьыраҟны, Синаҭ,–
Са сазыӡырҩып ичҳа, –
Амҳаџьыр-жәлар руасиаҭ –
Угә иҭымҵәо сгәы иарҳа!

…Еҳ, иаҳа-иаҳа иаӷахоит,
Аԥсуа быргцәа рҭаацәара…
Урҭ аныҟам – дак ҭахоит,
Инаскьоит дунеик хара!

Аҷандара быргк дызбом, –
Иаԥхьа Гьаргь иџьар аркны…
Уажәшьҭа Аҭара Тыкә синиом,
Дыццакыҵәҟьеит, ҵабыргны.

Уаҳа, мап, исаҳаӡом –
Игаӡом шьҭа саб ибжьы,
Уи сыцуп, сыҟанаҵ еиԥхьбом –
Исхатәаанӡа ашәшьы…

Аԥсуа быргцәа – аҭоурых,
Аԥсуа ҵас – намысла иҭәу,
Аԥсны ажәытә-аҿатә аҟәых,
Ашәа – ахара игатәу!

…Шәҳагмыз! – ҳасасцәа шәырԥыл,
Ишырԥылалоз Аԥсны!..
Ажәытә еиԥш шәҽышькылқәа шәрынгыл,
Шәаԥсуа маҭәа шәышәҵаны!..

Аԥсуа быргцәа, шәмыццакын,
Ҭабара ақәымзааит шәҳәатәы!..
Иашәырҳәа аԥхьарца, аҿарпын,
Аԥсра аҿаԥхьа шәшьацәхыртәы!

1972

🧡 Ахьыуардын шәақәтәа
Please open Telegram to view this post
VIEW IN TELEGRAM
👍174👏4
🌩 Ишыдыдуа қәа ауам.

Ҳажәаҳәа иалоу, иуниверсалтәу, ахархәара бзиа змоу ажәаԥҟоуп, зегьы ирдыруеит. ХХ ашәышықәсазы ашәҟәы ианыло иалагаз ажәлар рпоезиаҿы иҵегь ихаҭәааны, иҵегь исахьаркны иуԥылоит. Иаагозар, Хабыр-иԥа Кац иашәа иалоуп абас еиԥш:

"Ишыдыдуа еиԥш қәа ауам,
Ишымацәысуа еиԥшгьы шәаԥшь ҵнагауам,
Аԥша шасуа еиԥшгьы бӷьы каԥсом".


Ишԥассиру! Ҿаԥыцла еиқәхаз ҳабызшәа — иҭамбаӡо аӡыхь.

Хабыр-иԥа Кац ихҳәаау аҭоурыхтә-фырхаҵаратә ашәа анҵан 1934 шықәсазы Џьырхәа ақыҭан инхоз Ҳаразиа Хабыгә иҳәамҭаны.

Ахыҵхырҭа: Аԥсуа жәлар рпоезиа. Еиқәиршәеит Баграт Шьынқәба, 1959

🧡 Ахьыуардын шәақәтәа
Please open Telegram to view this post
VIEW IN TELEGRAM
👍186
Media is too big
VIEW IN TELEGRAM
Аԥсынтәыла икаҷҷоит амра каԥхара,
Игәырӷьоит иахьа, ишәҭуеит аԥсабара,
Алада ихәмаруеит ага ацәқәырԥара,
Аҩада иӷьазӷьазуеит ашьха ҩаскьара.


Баграт Шьынқәба

🍀🐝 Мшаԥымза — быӷьпытын ашьхааӡара иазку ажәаԥҟақәа рыла ҳҭалап:

• Ашьха ацха ԥсата аагара злымшо аӡы аадыргоит.

• Ашьха аашьақәа рҩызцәа иршьуеит.

• Ашьхақәа ранацәа рацәахар, еиҿымҵыр — еинаалом.

• Ашьхыц знык ицҳар иԥсуеит.

• Алашә уахынла (мзала) дышьхашәон.

• Ашьха змыцҳац ацха зыԥсоу издыруам.

• Ашьхымзагьы зны ацха агхоит.

• Ашьхыҵә ахьыҟоу ацхагьы ыҟоуп.

• Ашьхыц зқәымтәо шәҭыц ыҟам.

🔸 Ишьхымзагәара аҽыуаҩ дзакәшом — дыбзанхаҩуп, дбеиоуп, букв.: "его пасеку на коне не объедешь";
🔸Цха-хәшала дааӡоуп — он воспитан в полном достатке.

📖 Иахьазы апассивтә лексикахь аиасра иаҿу ажәақәа:

А́цхаԥсата
— падь (сладкая клейкая жидкость на листьях растений)
Ашьха́шәара // ашьхы́шәара
— охота на диких пчел;
Аԥсуа шьха — абхазянка;
А́шьхаӡаагаҩ — пчела-водонос;
А́шьхарыцқьаҩ — пчела-чистильщица;
Ашьха́р; ар — рабочие пчелы (рой пчел);
Ашьхаран, ашьхараҳ, ашьхары́жә — пчелиная матка;
А́шьхарчаҩ — пчела-кормилица;
Ашьхаҩры́ — трутень;
А́шьхыҵә — рой пчел;
А́шьхасса, а́шьхаусуҩ — виды рабочих пчел;
Ашьхарымҩа — название созвездия "Дорога пчел".

#ажәаԥҟақәа

🧡 Ахьыуардын шәақәтәа
Please open Telegram to view this post
VIEW IN TELEGRAM
👍203
Ахьыуардын
Аԥсынтәыла икаҷҷоит амра каԥхара, Игәырӷьоит иахьа, ишәҭуеит аԥсабара, Алада ихәмаруеит ага ацәқәырԥара, Аҩада иӷьазӷьазуеит ашьха ҩаскьара. Баграт Шьынқәба 🍀🐝 Мшаԥымза — быӷьпытын ашьхааӡара иазку ажәаԥҟақәа рыла ҳҭалап: • Ашьха ацха ԥсата аагара злымшо…
Аԥсуаа аҩы адагьы аҳаԥшьа иҭарҭәоз даҽа рыжәтә џьбарак ыҟоуп – ацәаӡы (хмельной напиток из меда, букв.: "восковая вода"). Ацха ԥшны ианалгалак, ацәа иаанхаз ақәаб иҭаҵаны, аӡы ахаҭәаны идыршуан, идырӡҭуан. Ианыхьшәашәалак ацәа ахыхны, ацхаӡы аҳаԥшьа иҭарҭәон. Уа иахьҭоу аҩеиԥш еилашны еиқәтәон, аҩаҟарагьы иџьбарахон. Ашьхымзагәара ҭбаа змаз ацәаӡы маҷымкәа иҭарҭәон, 600 литра рҟынӡа.

Ахәыӡи ацхеи ирылхны иҟарҵон иара убас абаӷсма́ ҳәа изышьҭоу арыжәтәгьы. Ашьха қыҭақәа рҿы аакьыскьанӡа ирыман, ашәуаа иахьанӡагьы иааргеит. Иҳаҩсыз ҭагалан Лыхнашҭа аҽаҩра ныҳәаҿы "бахсыма" ҳәа згьама ҳдырбоз иароуп. Урысшәала — буза́ (древний хмельной напиток из просяной муки и меда).

Аԥсуаа рҿы ашьхааӡара аҭоурых азқьышықәсақәа иргәылсны иаауеит, ажәытә ҩыратә хыҵхырҭақәа шаҳаҭуп уи азы. Антикатәи автор Ксенофонт инижьыз адырраҭара ҳера ҟалаанӡа IV ашәышықәсахь иаҵанакуеит, усҟан Колхида зехьынџьара алаҵәара аиухьан ашьхааӡара, ацхаԥшра, ацәа алахәаахәҭра. Страбон ихаангьы ҳашьхааӡара далацәажәон (I ашәышықәсазы ҳара ҳераан).

Ацәа цқьа рхы иахьадырхәоз маҷхәызма: ачысмаҭәа шьшьар еидҷаблагас, арахәыци ашахеи рырӷәӷәагас, амшынныҟәацәа рышхәақәеи рнышьқәеи ирхьыршьуан, рҽалархәышәтәуан, ацәашьы алырхуан.

Аԥсны 80 рҟынӡа ацха бзиа злыҵуа аҵлақәеи аҵиаақәеи ирызҳауеит. Ашьха рынцәахәыс ишьоу Анана-Гәында лтәарҭақәа ҳәа иалкааны иҟоуп, Анантәара ҳәа ирышьҭоуп, Дал-Ҵабал, Гәымсҭа, Ԥсҳәы, Бзыԥ аԥсҭа, Тҟәарчал, Арасаӡыхь, Аҷандара уҳәа акырџьара. Аҟәа араион "Цхала-Шәбаара" ҳәа аҭыԥхьӡ уԥылоит, цхала иҭәыз ашәҵлақәа рыла ихҟьан, ацха амҵәомызт.

Убас, Ахаҭа ҳәа иахьашьҭоу ахрагьы ацха ҭан рҳәоит, анеирҭа ахақәа рыла ичаԥаны иҩаган. Мрамба ахраҿы ацаҟьа ашьшьара аџьтә лыкә алаҵаны, ашьха ахьҭоу аҟынӡа мҿыла ичаԥаны, ӡарҵәила иԥахны, ахаларҭа аҭаны иҟан. Ацаҟьа агәаҩара иазымкуаз асаранџь адәахьала иамиаауан. Аҭхаџь-абарақьаҭра! 🍯

Ахыҵхырҭақәа: Иван Аџьынџьал "Из этнографии Абхазии", 1969; А. Агәмаа "Ашьхааӡара атрадициеи, аритуали, амифи", ажәахә 2021.

Асахьаҿы: аҵлагәаҩа-шьхымзақәа (улей-дуплянка)

🧡 Ахьыуардын шәақәтәа
Please open Telegram to view this post
VIEW IN TELEGRAM
👍26❤‍🔥53
👑 "Агәыргьын" даҽакала ишԥаҳҳәо?

"Агәыргьы́н" (корона // венец) аԥсшәаҿы ихадароу аҵакы — ақьырсиан динхаҵарала зынасыԥ еилазҵо ирхаркуа ауп, агәыргьынхаҵара́венчание; коронация, мрагыларатәи ҳгәылацәагьы ирҿоу ажәоуп. Аҳцәа ирхарҵоз, хьы-раӡныла ичаԥоу амаҭәар аԥсышәа цқьала иҵегь аҳәашьақәа амоуп, ашьагәыҭ лексика иалоуп ианеиҵоу х-ажәак ари аилкаара аазырԥшуа:

• Ахьынҷха́,
• Ахьхҿа́,
• Ахьхаҵа́,
• Ахыркы́ра


"Ахьхҿа" букв.: "золотые стрелы".
Егьырҭгьы еилоу шьаҭақәоуп, ирзеиԥшны иаҳбоит "ахы" (голова), "ахьы" (золото). Иаҳԥылоит ажәарқәа рҿы, асахьаркыратә литератураҿы. Ҳажәаҳәаҿгьы ахархәара раҳҭалар бзиоуп.

Асахьаҿы: Аԥсҳа Лауан II дызну аԥсар ҿыц, иҭызхыз Руслан Габлиа

#асинонимқәа

👑 Аурыс поет, археолог Виктор Стражев иҩуан, 1917 шықәсазы Аҟәа мшыцәгьашьҭахь аҟәараҿы ирбеит ҳәа аҳак ихьхаҵа еибганы. Усҟан уи еиԥш хәы змоу аԥшаахқәа лассы-лассы ауаа ирԥыхьашәон, амшын ӷәӷәала еисны ианеиқәтәалак агаҿа иқәлон, аԥслымӡ илхо, напыла иҭжаауа.

🧡 Ахьыуардын шәақәтәа
Please open Telegram to view this post
VIEW IN TELEGRAM
👍194❤‍🔥3
Мшаԥымза 5, 1949 шықәсазы диит акыр зџьабаақәа ҳаду, Леон иорден занашьоу, ҳхақәиҭра, ҳаԥсшәа, ҳхатәы мца ахьчараз Нхыҵынтә хатәгәаԥхарала еибашьра иааз Мусса Дауров. Иахьа 75 шықәса ихыҵуан дыҟазҭгьы.

Ҳара иаҳҳәоит Аԥсуара, ҳашьцәа азахәцәа ирҳәоит Адыгара, убри аныҟәгараҿы зегь рыла иҿырԥшыгаз дреиуан Мусса Дауров дышқәыԥшызнатә. Игәы былуан, ажәҩахыр еибыҭара аҵкыс еиҳау баагәарак шыҟам идыруан, (адыгақәа Кавказ иахьыҟоугьы хыџьараны еиҟәшами). 1991 шықәсазы Шаԥсыӷ аԥшатлакә анрыс, агуманитартә цхыраара еизганы ирзишьҭит. Ҟарачы-Черқьестәыла "Адыгэ Хасэ" араионтә ҟәшақәа руак деиҳабын усҟан.

Кавказ Жәларқәа рконфедерациа далан, Аԥсны аибашьра анҵысы гәыҩбарак ҟамҵакәа, згәы зыԥхьоз аҷкәынцәа еидкыланы аԥсуаа дрывагылеит. Зычҳареи, зыӷәӷәареи, здырреи, зԥышәеи рыла Аиааира ааигәазтәуаз дыруаӡәкуп. Хара имгакәа Мрагыларатәи афронт аԥшыхәра аус ахылаԥшра инапы ианҵан, 1995 шықәсанӡа Аԥсны Атәылахьчара аминистрраҿы имаҵура иациҵон, аполковник ичын иманы.

Мусса Дауров – иналукааша уаажәларратә усзуҩын, аамҭала агазеҭ "Адыгэ Хасэ" аредактор хадас дыҟан, 2017 шықәсазы Ҟарачы-Черқьестәыла Адыга быргцәа рхеилак аиҳабыс далхын. Кавказ аҭоурых, акультура дазҿлымҳан, ашәҟәқәа иҩуан, иаагозар: иқыҭа Ҳабыз иқәынхо ажәлақәа ренциклопедиа еиқәиршәеит, адыга-аурыс фразеологиатә жәар, азахә Нарҭтә репос аенциклопедиа, Аԥсны жәлар рџьынџьтәылатә еибашьраан арра-ԥшыхәра аус иазку ашәҟәы уҳәа убас иҵегь.

Иԥсҭазаара далҵит 2022 шықәсазы, Леон иорден анахыс ианашьоуп ашьхарыуаа ражәахьа знылаз амедал "Псэм ипэ напэ" (Честь выше жизни). Аԥсуа делегациақәа Нхыҵ ҳашьцәа ианрызцо иаргьы изқәаҭыԥ инықәԥшуеит. Иԥсы ҭынчзааит.

🧡 Ахьыуардын шәақәтәа
Please open Telegram to view this post
VIEW IN TELEGRAM
👍136
Мшаԥымза 7 агәырӷьара зцу рыцхәуп. Абри аҽны 50 шықәса раԥхьа аԥсуа быргцәа рансамбль "Нарҭаа" Венгриа жәларбжьаратәи афольклортә еицлабраҟны иреиҳаӡоу аԥхьахә анаршьеит — "Ахьтәы Таташь".

Кәасҭа Ченгьелиа напхгара аиҭон аколлектив, ари афестиваль ахь 12-ҩык артистцәа алихит, рықәра ааизакны зқьышықәса иреиҳан. Иара дыҷкәынан рҿаԥхьа, Иван Кортуа иаамҭанымкәа иԥсҭазаара даналҵ ашьҭахь, дҿыцны инапы ианырҵеижьҭеи рацәакгьы ҵуамызт, аха аҵара аиҳабра-аиҵыбра амаӡам ҳәа, алеишәеи аҭакԥхықәра дуи аарԥшны иазыҟаиҵон. Абыргцәагьы асаби иеиԥш рымаршәа акышьа иақәшәатәын.

Амза 3 рзы Венгриа инеит, ԥшьымш еиқәырццакны арепетициақәа ирҿын, ҩ- ашәак нарыгӡараны иҟан: "Уазбақьи" "Ачарашәеи". Ахҭысқәа игәалаиршәон акомпозитор ихаҭа хәышықәса раԥхьа. Иара дымҩасхьеит, ииҳәазгьы шьҭа иҭоурыхуп, Иуа Коӷониа иажәақәа рыла иуҳәозар, "аушәақә иаазыркьаҿны" иааҳгоит:

"Абыргцәа сцәааԥсар ҳәа сшәон, аҽны ус расҳәеит "Баба, иахьоуп аус злоу, иахьоуп ҳхы аныдҳарбаша" ҳәа. Даргьы џых-џыхӡа, хәарҭәаԥшь рымамкәа иҟан, иаԥсыуаамзи! Ашьыжь ашәыр аахәара ҳцеит абазарахь, ашәыр абжьы иазеиӷьуп. Ҳакрыфара акгьы агӡамызт усгьы, абысҭа ҳзыруан. Венгриаа абысҭаушьа абардыруаз, аха абас-абас ауп ҳәа расҳәан, аҟаҵашьа дансырҵеит, нас Болгариа ма Румыниа ицаны, ҳаирпланла ҩ-сакьк ашыла ааргеит...

Ахәылбыҽха асааҭ быжьба рзы ҳақәгылараны ҳаҟан. Аамҭа анааи ҳҽааибаҳҭан, ҳҿынаҳхеит. Сара асцена сықәлар ҟалаӡомызт, саарылалан, зегь сыгәӡит. Сара исылшоз акы агмыжькәа иҟасҵеит, шьҭарнахыс Анцәа инапы шәанысҵоит сҳәан, рҿынасырхеит".


"Нарҭаа" ашәа ҳәаны, акәашарахь ианиасуаз азал зегьы гыланы анапеинҟьара иаҿын, Arany páva (венгер: "золотой павлин") ҳәа ҿырҭуан еицҿакны, изыхәҭоу абарҭ роуп ҳәа аанарго. Ус иагьыҟалеит. Аицлабра иалахәын 22 ҳәынҭқарра.

Жәлар рартист Кәасҭа Ченгьелиа иҿала ари ахҭыс шеиҭеиҳәаз шәазыӡырҩыр шәылшоит абра>>

🧡 Ахьыуардын шәақәтәа
Please open Telegram to view this post
VIEW IN TELEGRAM
👍126
🏆 Излеиԥшыми аҿеи ахраҿеи?

А́ҿа (бокал, кубок) — рыжәга маҭәахәуп, пату зқәу акоуп, амҿы иалхны иҟарҵон, акыр идуун, аҩы аларжәуан. Ахраҿагьы ԥшрала иароуп, аха ахьӡ ишаҳәо еиԥш, уи ахарҵәи ахши ирызкын: ах-р-аҿа (букв.: "бокал для молочных напитков").

Абри аҩыза аинтерес зҵоу азгәаҭа ҟаиҵоит Баграт Шьынқәба еиқәиршәаз "Аԥсуа жәлар рпоезиа" ашәҟәаҿы. Абызшәа шцәажәо! Ажәақәа "ахраӡага", "ахаҷа", "ахҷаҭ", "ахџьаџьа", ахааҵа" рҿы иҟоугьы "ахш" иатәуп.
Ацәымш-уаҩымш инапкымҭа: ахраҿақәа — аххьала узлахәо (Рушьбеи Смыр)


Азҵаара цәырҵуеит, иҳамоума иҵегь абасала ишьақәгылаз, ачысмаҭәа аазырԥшуа ажәак ҳәа. Ҳхаҿы иааиуеит "аирыӡ", ХХ ашәышықәса азбжанӡа бзыԥаа рахь а́ҩрыӡ ҳәа зҳәозгьы уԥылон, уи ус шакәыз аирбоит бзыԥтәи адиалект монографиала иҭызҵааз абызшәадырҩы Хәыхәыт Бӷажәба, аҩ-ры-ӡ (глиняный кувшин для вина).

Ацыбжьыҟа зынӡа ҳәа ашьҭыбжь ахь иахьиасыз ҿырԥшуп иара убас "аинцәыш" ажәа, ажәытә аԥсышәала ирҳәон "аҩынҵәыш" ҳәа, ацәажәараҿы иахьагьы иуаҳауеит: ҩажәа ахаҭыԥан — йажәа; алымҳарыҩ — алымҳарый, ажәҩан — ажәйан, афҩы — афйы, ажәыҩшәаҟьа — ажәишәаҟьа уҳәа убас иҵегь.

Аҿеи ахраҿеи 0,25 литра ркуеит, урҭ иреиҳауп ачаҟәа́, амашьара́ԥ, ахмаҷы́р — 0,5 литра, урҭ иреиҳауп аҭа́ҟә — литрак. Арҭ амаҭәарқәа ахархәара дуны ирыман, аҟәрышька ажәагьы ахаҭагьы аԥсуаа рыԥсҭазаара иаланагалаанӡа.

Убас, уажәшьҭа ҳара ҳхаан имузеи-ажәақәаны инхоит аԥшьырҳа́, абҟәы́л, аҟәџьа́л, аԥҳа́л, адыргьла́.

Афото аҟны: Аԥсҳа Баграт II ихьҿа, уаанӡа ашьапы аман (золотая чаша абхазского царя Баграта II, подаренная Бедийскому храму)

🧡 Ахьыуардын шәақәтәа
Please open Telegram to view this post
VIEW IN TELEGRAM
15❤‍🔥4👍3
Ашәҟәыҩҩы, аиҭагаҩ, апублицист, ауаажәларратә усзуҩ Ҳаири Қәҭарба имшироуп иахьа, 65 шықәса ихыҵит.

Ҳаири Қәҭарба — амҳаџьырқәа рхылҵшьҭра, диит Есмаҳаным ақыҭан (Дузџьа иаҵанакуеит), уажәшьҭа 15 шықәса инареиҳауп Аԥсны дынхоижьҭеи. Аԥсуа доуҳа иаалаӡоу, дшыхәыҷыз ихатә ҩымҭақәеи алакәқәеи аԥиҵон аӡыхь еиԥш дызҿыхәоз, адуцәа еибырҳәоз ажәабжьқәа шьаҭас иҟаҵаны. Аҟыбаҩ иланы изҳауан, даара деилҟьан, ашкол дҭалаанӡа аҩышьеи аԥхьашьеи иҵеит. Даныҩеидас акьыԥхь аҿы дцәырҵуа далагеит Кавказ иазку аҭоурыхтә статиақәа равторк иаҳасабала.

Ҳаири дызтәу абиԥарагьы, реиҳабацәа реиԥш, еснагь гәыҵхаз ирымаз аԥсадгьыл акәын. 1990 шықәсазы иҩызцәеи иареи еиҿыркааит ашәҟәҭыжьырҭа "Нарҭ", уаҟа иҭыҵуан хыԥхьаӡара рацәала аԥсуа-адыга жәларқәа рыӡбахә зҳәо ашәҟәқәа, адиаспора авторцәа рсахьаркыратә ҩымҭақәа. Редакторс даман "Алашара" ҳәа иҭыҵуаз ажурнал. Аҭырқәшәахь еиҭеигеит аԥсуа ҭоурыхҭҵааҩцәа Иури Аргәыни Гьаргь Амҷбеи русумҭақәа.

Ҳаири Қәҭарба аҭырқәшәала ирцәажәеит Баграт Шьынқәба ироман "Ацынҵәарах"! Тираж дула Сҭампыл хаз шәҟәны иҭижьит (1990). Игәыҭшьаагоу, уаҩ дызмырҭынчуа арҭ ахҭысқәа ирызкуп инеиҵыху иара иҭоурыхтә романгьы "Сыхдырҵәеит, сыхҵәараххеит", аԥсышәала иҭыҵит 2011 шықәсазы (еиҭ. Октаи Ҷкотуа).

Ҳаири Қәҭарба амшын еиҟәнашаз аԥсуаа наҟ-ааҟ цҳас ирыбжьоу агәбылыҩцәа дыруаӡәкуп, аамҭала "Абаза-ТВ" аҟны имҩаԥигон адиспореи арепатриантцәеи рыԥсҭазаашьа иазкыз адырраҭара "Аԥсадгьыл агәеисыбжь".

Иахьатәи Аԥсны акультура-уаажәларратә ԥсҭазаара аӡәы ҳәа далагылоуп, харантә ицәаара унықәԥшыргьы иаразнак угәы иунаҭоит — Даԥсыуоуп! Итәыла даԥоуп, ибжьы ҿацаӡа игоит. Аҩны иргылеит, аҵла еиҭеиҳаит, дынхоит, адгьыл дазааигәоуп. Агәабзиареи аԥсынҵра дуи изеиӷьаҳшьоит, илакҭа ччалааит, Анцәа дирманшәалалааит зегь рыла! Ҳгәы иладууп.

* Есмаҳаным ақыҭа ахьӡ аиуит Аԥснынтә зыуаажәлар ирыцхҵәаны ицаз Есма Ӡаԥшьԥҳа лыла

🧡 Ахьыуардын шәақәтәа
Please open Telegram to view this post
VIEW IN TELEGRAM
👍1610🎉3
Аҳҷыԥсаа рҭоурых дгьыл — Гәбаа-дәы аҵеџь еиԥш ижны иҟаҵоу ажәытәӡатәи адамра рыԥшааит уажә ааигәа, амҩа ҿыцк алгара ишаҿыз (акурорт есааира аҽарҭбаауеит). Аҩнуҵҟа аԥсыбаҩқәа ҭан, ахыбаҩқәагьы налаҵаны. Шәазхәыц изакә материалу кьыс амаӡамкәа иеиқәхаз!

Иҟоу адыррақәа рыла, адамра ԥыргамкәа аҵарауаа адрыԥхьалеит. Даара аинтерес аҵоуп хәба-фба нызқь шықәса зхыҵуа абаҩқәа р-ДНК анализ аныҟарҵалак иаҳәаша.

Иахьырԥшааз аҭыԥҵәҟьа дырзом, аха Гәбаа-дәы иахагылоу Аҽы́шьха ашьапаҿы акәхароуп ҳәа ҳгәы иаанагоит (урысшәала ахьӡ Ачишхо ҳәа иныжьуп). Араҟа адамрақәа жәабаҟа рыԥшаахьеит, иҵегь адгьыл иҵазаргьы ҟалоит, аԥсшьацәа рацәаҩны иаҭаауеит. Аԥсабара уамакала иԥшӡоуп. Насгьы, изларҳәо ала, ари ашьхаҿы еснагь ақәа леиуеит. Издыруада илаӷырӡышозар...

Ахыҵхырҭа>>

🧡 Ахьыуардын шәақәтәа
Please open Telegram to view this post
VIEW IN TELEGRAM
👍236
Ԥыхьа зыӡбахә ҳҳәоз амгьа́луардын аԥшра узырбо асахьа ыҟоуп. Ҩышә шықәса раԥхьа Кавказ ҭызҵаауаз афранцыз ныҟәаҩы, аконсул Жак-Франсуа Гамба иҭихит. Ишаҵаҩу ала еилаҳкаауеит, агырқәа рҿоуп иахьибаз, аха ҳара ҳҿгьы иныҟәон аҩызцәа.

Аҵарауаҩ ду Гьаргь Ӡиӡариа адәынтәи ианҵамҭақәа рҿы иуԥылоит абас еиԥш: "Ажәытә Аԥсны иҟаз амгьалуардын акәын. Уи иаҵан амҿы иалхны агьежьқәа. Ақәыԥа аныргыланы иҟарцон".

Ақәы́ԥа, ишдыру еиԥш, ахалагьы ахархәара аман аԥсуа ибзазараҿы, ажәытәӡа аахыс аԥсыӡ аларкуан. Арахь ааскьа ашьапы аҭангьы иҟарҵон, аџьықәреи бзианы ианҩалак убра иҭаԥсаны, ҭамскәагәла иасуа иҿдырпуан — арыцқәа кылшәшәаны икаԥсон (ианиҵеит Алхас Чхамалиа Аацы ақыҭан Чамагәуа Заабеҭ иҳәамҭаны).

Ақәыԥеи аҭамскәа́гәи бзыԥтәи адиалект ажәақәоуп, абжьыуаа ирҳәоит аԥча́ҭла (плетеная корзина); акалакәы́т (деревянный молоток).

Амгьалуардын иаҵаз агьежь уахәаԥшыр даҽакгьы угәаланаршәоит — а́лу. Аҭҵаарадырраҿы иҟоуп убас еиԥш агәаанагара, ауаҩытәыҩса агьежь//акәыр ихәыцыр ауан ҳәа ажәытәӡа арыц зқәырҟәаҟәоз ахаҳә даҿыԥшны.

Иҵаҵӷәыдам, избанзар арыц-цҟьага ахаҳәқәа цәырҵхьан анеолит аамҭазы (VI — III азқь ҳера ҟалаанӡа), аԥсуаа иҳамоу аҳа́ҟьа аханатә изызкыз иароуп (зернотерка). Агьежь рыӡбеит ҳәа ԥхьаӡоуп Месопотамиа иқәынхоз ашумерцәа 3500 шықәса раԥхьа ҳара ҳера ҟалаанӡа.

🧡 Ахьыуардын шәақәтәа
Please open Telegram to view this post
VIEW IN TELEGRAM
👍1910
🌳 Аччара ҿкуп, аччара хәшәуп — ааԥынтәи алафқәа

"Наҟ-наҟ"


Мҭы ҳәа нхаҩык Наӷбоу адгьыл икит. Уи адгьыл зтәызи иареи еимацәгьахеит. Ажәлар бжьанагалан иазырыӡбеит, иалшоны иҟазар адгьыл Мҭы иоужьхарц. Аизара ахьынтәи Мҭы дхынҳәны дшаауаз, уи адгьыл аҿы иргылаз иԥацха ааигәа аӡмах ахьынтәи адаӷьқәа рыбжьы аадыргеит: "Нааҟ-нааҟ!" ҳәа. Мҭы дыҭрысны дааҭгылан: "Арҭ Наӷбоутәи адаӷьқәаҵәҟьагьы наҟ-наҟ рҳәозар, сара ара сызнымхагәышьеит", –
иҳәан, наҟ иҿынеихеит.

"Гаха дҽырбон"

Гаха бзиа иибоз аԥҳәызба длыцны днеиуан. Бзиагьы деилаҳәан: икәымжәы, икаба, исааҭ, икьарахә, изиацкқәа уҳәа... Аԥҳәызба лылаԥш абарҭқәа зегьы ирыхьӡарц иҭахын иара, аха лара урҭкәа лымбаӡозшәа акәын дышнеиуаз. Ус инарывалеит ԥинак. Гаха дааҭгылан ала инацәа нақәкны ҿааиҭит абас: "Абни ала абыржәы сызиацк иацҳар, – ишьапы лаԥхьа иниеигеит, – аминуҭ аҩнуҵҟала – исааҭ днахәаԥшит, – агәаҵәа кылсыблаауан абыржәы!" – нациҵан икьарахә днас-наст.

"Сара амш сызгом"

"Ар ҳақәлеит, ар! Ахацәа шәҽеибышәҭ, еибашьра ҳцароуп!" – аизҿыҭра иаҿын ажаратәи анхацәа. Убри аамҭаз икәаҭан даҵаланы Бага данаарывала, џьоук рыбжьы наиқәдыргеит: "Бага, иҟоу умаҳаӡои? Нхыҵаа ҳақәлеит, еибашьра уҽеибыҭ!" Бага урҭ рышҟа дынхьаԥшын инараҭеикит: "Алаҵарамшха, аибашьра а́ха змада, сара амш сызгом!"

✍🏻 Анатоли Аџьынџьал иажәабжь кьаҿқәа рҟынтә

#аԥсуа_лафқәа

🧡 Ахьыуардын шәақәтәа
Please open Telegram to view this post
VIEW IN TELEGRAM
👍206❤‍🔥3😁2
This media is not supported in your browser
VIEW IN TELEGRAM
Ажәа бзиоуп "ақәнага́", иаҳәо рацәоуп, иалшо рацәоуп. Аԥсышәала уанхәыцуа иара иахьаҭыԥу уҿаҿы имааир ауӡом. Ихатәроуп, адоуҳахьы ухьанарԥшуеит, уи иацырҟьоуп.

Аԥсуаҭҵааратә институт адиректор Арда Ашәба анцәахаҵара иадҳәалоу ажәытә шәҟәқәа ахьеиҭеигоз даара иманшәаланы ахархәашьа ҿыц азиԥшааит. Ас иҟоу атекстқәа ажәацыԥхьаӡа акакала, иашаԥҵәала ирцәажәо урҿызароуп. Убри азнеишьа алхны, аԥсшәа ахышәара-ҵышәара иҭагӡаны ишынагӡоу гәыҩбара ацым ари аус. Џьабаа дуӡӡоуп, аҵарадырра аихаҳаразы ихәарҭоуп, ауаа рзы иҳамҭоуп. Имаашьаз бзиарала дызлаго иус иқәҿиоит.

Аҵарауаҩ иҿцәажәара шеибгоу шәазыӡырҩыр шәылшоит абра>>

📖
Ақәнага́ — заслуженное, положенное, должное, справедливое;
Ақәна́мга — беззаконие, несправедливость.

Абзыԥқәеи, асаӡқәеи, аҳҷыԥсааи ирҳәоит "ақәнага́а" ҳәа.

🧡 Ахьыуардын шәақәтәа
Please open Telegram to view this post
VIEW IN TELEGRAM
👍199
Ахьыуардын
Ажәа бзиоуп "ақәнага́", иаҳәо рацәоуп, иалшо рацәоуп. Аԥсышәала уанхәыцуа иара иахьаҭыԥу уҿаҿы имааир ауӡом. Ихатәроуп, адоуҳахьы ухьанарԥшуеит, уи иацырҟьоуп. Аԥсуаҭҵааратә институт адиректор Арда Ашәба анцәахаҵара иадҳәалоу ажәытә шәҟәқәа ахьеиҭеигоз даара…
Алеишәа, ақьабз, ақәнагаа — Аԥсуара злачаԥоу, еибызҭо, мамзаргьы изықәгылоу уасхыр хадақәас ишьоуп мшыннырцә иҟоу ҳашьцәа рыхдырраҿы, еиҳаракгьы аҳҷыԥсаа рҿы. Ҳәарада, арантә иргеит, Аԥсноуп иахьырҵаз, аха араҟа арҭ ажәақәа рҵакқәа еиҳа иҭшәахеит, "Аԥсуара" ахала зегь шьҭнахуа иҟалеит. Уа — еиҳа иӷәӷәахеит, еиҳа рыҽдырҭбааит. Уимоу, аԥсуареи алеишәеи синонимқәаны ианеибаԥсахуа рацәоуп адиаспора ражәаҳәаҿы.

Аԥсуара анышьақәдыргылоз 40 шықәса иаҿын рҳәоит. Ҩынҩажәа шықәса рышьҭахь иаҵанакуа шьарда ирацәаны иахьатәи аконституциақәа раҟара амч аманы, узахымԥо ишьақәдыргылеит. "Сара саԥсуара сзахымԥеит..." Таиф Аџьба иҳәон еиԥш.

Уи аԥсуаа рымацра ракәым, аедыгьақәа, аубыхцәа, аԥсуаа, ашәуаа зегьы еилахәны еицышьақәдыргылеит ҳәа иԥхьаӡоуп. Аҵыхәтәан иԥҵәаны иахьышьҭырхыз ҳәагьы Лыхны аӡбахә рҳәоит. Нас аҿар, "арԥара ԥшаахқәа" иахьыддырҵоз аҭыԥқәа ыҟан, убарҭ иреиуоуп Ҭәахы́.

Ҭырқәтәыла ианнанага амилаҭ хаҿра амырӡгак аҳасабала еиҳагьы игәцаракны ахьчара-аихаҳара иашьҭалеит жәларыкынгы, дасу ишилшоз алагьы. Убас, аҳҷыԥсаа иреиуаз Кәыџба Шараҭхәа иԥацәа аамҭа кьаҿк ала Аԥсуара аҵаразыҳәан, Алеишәа аҵаразыҳәан ҳәа аҩнеихагыла дыргылеит. Ари атемала астатиа шьахә лыҩхьеит абызшәадырҩы Алина Ачԥҳа — "Аԥсуара акодекс аҳҷыԥсаа ражәаҳәаҿы".

Алеишәеи, ақьабзи, ақәнагааи хаз-хазы ирыҵаркуа иазкуп Нонна Ҭхәазԥҳа абри лыстатиа >>

🧡 Ахьыуардын шәақәтәа
Please open Telegram to view this post
VIEW IN TELEGRAM
👍147
Уаԥсуара уаԥхьа иургылар, иара умҩақәнаҵоит, ԥхьаҟа уагоит, зны-зынла аџьашьахәқәагьы унарҟаҵоит. Згәы амца акыз апоетесса Лиолиа Тәанԥҳа шаҟа лмилаҭ рхаҿра дазыгәдууз узырбо епизод хәыҷык. Аибашьра ҟалаанӡатәи Гагра, алитературатә хәылԥазы, агәалаҟара бзиа:

"Борис Гәыргәлиеи сареи ҽнак кәапеишәа ззал ҭәыз аԥсшьацәа рҿаԥхьа ҳақәгылон. Амҩаԥгаҩ Лиолиа Тәанԥҳа дҩагыланы сҩыза лхы наиқәылкуеит:
– Ажәа имоуп Алмысхан Гәыргәлиа!
– Беилагама, бара, Лиолиа? – аччара сызнымкыло слызҵаауеит сара, сҩыза иаб ихьӡ ҳәаны азал дахьыдлырдыруа.
– Ара итәоу аурысқәа рзыҳәан Алмысхан Гәыргәлиагьы Борисгьы зегь дара роуп, – лҳәеит.
Сара ажәа ансылҭозгьы иара убасҵәҟьоуп уи сшыдлырдырыз:
– Уажәы ҳаизыӡырҩып абаҩхатәра ҟаимаҭ змоу апоет Хәамԥа Бебиа!.."

✍🏻 Платон Бебиа игәалашәарақәа рҟынтә

#ахьӡқәа

🧡 Ахьыуардын шәақәтәа
Please open Telegram to view this post
VIEW IN TELEGRAM
22👍2
Ахьыуардын
Аԥсны аҭоурыхтә-культуратә ҭынхас ишьоуп 1️⃣5️⃣3️⃣5️⃣ баҟа. Ҳҵакырадгьыл амҽхак иаршәаны уаазхәыцыр, ҳхазы мацара акәым адунеи азы шаҟа ҳбеиоу еилукаауеит. ИУНЕСКО аспециалистцәа абра иааны, ҳазлашәыхәари ҳәа, уахгьы-ҽынгьы аҭҵаарақәа мҩаԥго, еиқәханы иҟоу…
Мшаԥымза 18 жәларбжьара Абаҟақәа рыхьчара амш азгәарҭоит.

Адунеи ахьынӡанаӡааӡо акультуратә ҭынха аиқәырхара шаҭаху азы игәаларшәагоуп ари амш, амилаҭқәа идырҿиаз рдоуҳатә культурагьы налаҵаны. Еидаҳкылеит лымкаала аԥсуа хәыцшьа зныԥшуа, ҳажәлар рҟәыӷареи, рыхшыҩҵарреи, рԥышәеи мҩашьахуа изнубаало ажәаԥҟақәак:

• Хар анумам ухы дыр.

• Ауаҩы ишьҭахь ицәгьа умҳәан, иаԥхьагьы уасны думырҽхәан.

• Аҽырдура агаӡара иатәуп.

• Ацгәы абжьас саҟарахоит ҳәа ишаҿыз иԥжәеит.

• Укалҭ зкыз дудкыл, ухәдацәа зкыз уигәҭас.

• Сгәаҵәа рԥҳазар, исычҳарын.

• Адагәара акәым ишәарҭоу, аҽырдагәароуп.

• Аҽырдагәа "сыҭ" иаҳауам, "усҭ" иаҳауеит.

• Зыбла аарту аԥшәма ихәашагьы ҿаҵоуп.

Ачеиџьыка змаиааиуа мал ыҟам.

• Аӡеи аҩеи еидӷьалауам.

• Ҽык ҩ-кәадырк узақәҵом.

• Анышь иақәымтәац ажәҩа изаҵшьом.

• Зызна кауҭәаз азна узышьҭыхуам.

• Аиха аншым иузыӡрыжәӡом.

• Аиха иаҿухыз аихашәа уибоит.

• Ауаҩы амш дақьаранџьуп.

• Агәы зражәуа агәырҩоуп.

• Адгьылгьы ажьы ахьуеит.

• Ашәыр мптыкәа ишәҭӡом, ауаҩы дымшәыкәа дуаҩхаӡом.

Ахыҵхырҭа: Кәыҷа Лакрба "Иҭамбаӡо аӡыхь", 1979

#ажәаԥҟақәа

🧡 Ахьыуардын шәақәтәа
Please open Telegram to view this post
VIEW IN TELEGRAM
👍145