Ахьыуардын
1.26K subscribers
1.38K photos
220 videos
1.66K links
Ахьыуардын — аԥсуа бызшәеи, аҭоурыхи, акультуреи ирызку апроект ҷыда. Напбзиа-шьапбзиа ахьыуардын дақәтәоуп. Шәҳацла: ахьы хәыҷуп, аха шәкы ицоит, аӡә дышәҩыкны дҳаԥхьаӡоит.
Download Telegram
Ахьыуардын
Ицқьоуп, иласуп, иҵаулоуп, исахьаркуп аԥсуа литература ашаеҵәа Иуа Коӷониа ипоезиа. Ажәлар рзы дҵеи лашаны диит унеишь-уааишь ҳәа зарҳәоз ахаҵа шьахә, аҽыбӷаҟаза ду Абас Коӷониа иҩнаҭаҿы абри аҽны 120 шықәса раԥхьа. Дыҷкәынаны аԥсуа сахьажәа еиҳау аҩаӡарахь…
This media is not supported in your browser
VIEW IN TELEGRAM
АӠЫН ҴЫХ
Иуа Коӷониа

Аҵых лашоуп зехьынџьара,
Аҵаара иаҿуп.
Ашьамх-сы ауын, ишкәакәаӡа
Уахьыԥшлак ишьҭоуп.

Аҵла дуқәа хытаруа
Ирықәжьуп иара,
Абна еиужь ду ӡса-ӡсо
Иашьыпит цәгьаӡа.

Ахыбрақәа ирықәҳаит
Еидгәыԥла асы,
Џьоукы-џьоукы ирықәырхуеит
Ҭәырӷәыла зегьы.

Ажәҩан ҵәцеит икаххаа,
Иубашам ԥсҭҳәакы.
Аха уи агәра мгакәа
Асы ақәырхуеит џьоукы.

Ас ду ҳзауеит ҳәа, сзызҵаауа,
Иаҿуп аҳәара.
Аӡын ду цәгьахоит ҳәа,
Ирҳәоит ауаақәа.

Аӡын ҵых цеицеиуа ишеилгоу
Иаршаӡоит зынӡа.
Аԥсҭҳәақәа еидгәыԥла зҽызӡаз
Избаӡом ааигәа.

1924, Аҟәа

📖
Ашьамх-сы́ — шьамхышәара илеиз асы,
Иашьы́пит — иара́беит, иҭанасит,
Ажәҩан ҵәцеит — небо стало звездным и ясным,
Абна бзарыбзаруа — лес переливается ярким цветом,
Аԥсаа шәаҳәацәа — певчие птицы

🧡 Ахьыуардын шәақәтәа
Please open Telegram to view this post
VIEW IN TELEGRAM
👍2010
Ажәытәан аԥсуаа Ӡиуау адагьы иҵегь ақәалашьҭыга қьабзқәа рыман. Убас иҟоу, аинтерес зҵоу ритуалк аӡбахә еиқәхеит Бзыԥын иаҳԥыло ҭыԥхьӡык аҟны: Кәҷышькна́ҳара. Ари ԥшьаҭыԥуп, бахәуп, Калдахәара иаҵанакуеит, Бзыԥ иҭаԥшуеит армаганала. Араҟа имҩасуаз ахҿақәеи аԥсақәеи ықәырҵон.

Аарҩара бааԥсқәа раан ақәа аурц анырҭахыз абра "Акәҷышькнаҳара" ҳәа изышьҭаз аныҳәара мҩаԥыргон. Абахә ақәцәахь ҽыла дрышьҭуан арԥызбак (Хагәшьаа ма Сымсымаа иреиуоу ҷкәынак) акәҷышь еиқәаҵәа иҭаны. Уа дахьҩеиуаз амца еиқәиҵон, нас аҵәқәа арсны акәҷышь амца иахакнеиҳауан, агәаҟра ианалагалак аҿаҳәага ԥҵәаны изцартә еиԥш. Иара дылбааны, уаҳа дхьамԥшӡакәа иҽы ишалшоз ала ирыҩны амшын ахь ихы шынахаз дцон. Амҩан изыԥшны игылақәаз гәыԥҩыкгьы ишьҭалон ашәа ҳәо. Ажәабжьҳәаҩцәа излеиҭарҳәо ала, амшын аҿы длаӡаанӡа ақәа леиуан.

Кәҷышькнаҳара иаду абахә Ҵәаҳәыркы́ра ахьӡуп, уи знык узхалар – ашьхақәа рахь амҩа ааигәан, аха иара ахалара цәгьоуп азы аҵәаҳәқәа еиҿарԥаны иалахалон (ибашәа иҟоу ибаргәыз)! Ҵәаҳәыркыра захьӡу даҽа шьхакгьы ыҟоуп Ԥсҳәы аганахь.

Ахыҵхырҭа: Таҷ Гыцба "Аԥсуаа рышьхахьыӡқәеи рышьхацамҩақәеи", 2002

#атопонимика

🧡 Ахьыуардын шәақәтәа
Please open Telegram to view this post
VIEW IN TELEGRAM
👍178
This media is not supported in your browser
VIEW IN TELEGRAM
"Ҳара иҳамаз агәымшәара акәын. Иҳақәлаз рымчи ҳамчи хәыки-шьхаки рыбжьан. Аԥсуаа рыԥсадгьыл абзиабареи рыхьӡи-рыхьымӡӷи аус ауит", – Аԥсны Афырхаҵа Аполлон Шьынқәба Аиааира азықәԥара иазкны.

Арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы аветеран иҳәеит, адунеи аҭоурых ишазымдыруа ахада еибашьра шәгыл имҳәакәа ажәлар рхала иахьнеиуа, Марттәи ажәылараан излаԥшыз ашьаарҵәыра аиааирахь ирыхоз агәаӷ еиҳагьы ишарӷәӷәаз.

"Еибашьҩык дҳамаӡамызт арратә комиссариат аҟынтәи ашәҟәы иоуны еибашьра инеиз, Арӡынба ибжьы анга имҳәа-имырза еибашьра игылеит ҳаҷкәынцәа. Убасҵәҟьа имҳәаӡакәа ашьха ихыҵны иааит ҳашьцәа".

Аиҿцәажәара нагӡа шәазыӡырҩыр шәылшоит абра>>

🧡 Ахьыуардын шәақәтәа
Please open Telegram to view this post
VIEW IN TELEGRAM
👍204
МАРТТӘИ АЖӘЫЛАРА

Гәымсҭа цон алеишәа ргәамҵӡан,
Аӡә дыӡхыҵуан, ҽаӡә дагон.
Ахаҳәқәа леиуан ашьха иадҷҷан,
Аԥсцәаҳа илуқәа лагон...

Рыԥсқәа еишьҭала жәҩан ихалон,
Ҳагәқәа шьҭарҵон иԥыҽҽны.
Ешыра хаҵаҵас игылан,
Аҟәа ҵәыуон ирхьыԥшны...

Ишыдыдуа қәа ауам ҳҳәазаргь,
Лахьеиқәҵаран, шәаџьҳәаран.
"Аԥсны иҟоуп, иҭахазаргь..." –
лыбжьы ааҩуан иршьыз иан.

Анаџьалбеит, цәа иҭаӡозеи?!
Ишәызҭазеи ас алша?!
Ахәра ӷьарцаз иҳәатәӡозеи,
Измоу рҿаԥхьа ахыԥша.

Џьоук анԥхьатәоз рыхқәа ныҵго,
Егьырҭ жәылон – еибашьран.
Ԥааимбарк ахызаҵә рывго,
Мҵәыжәҩала иҭаҳәҳәо дырхан.

Аӡәуп, ҩыџьоуп, хҩыкуп, ԥшьҩыкуп...
Урҭ макьана иҳаԥхьаӡоит.
Ахақәиҭраз зхы иамеигӡаз,
Ргәалашәара наскьалоит...

Март, ушԥахьанҭоу ҳа ҳзыҳәа,
Хашҭшьа умамкәа инхаз!
Аҟәоуп, Аҟәа, урҭ аҵеицәа
Рыхьӡ наӡаӡа инзырхаз.

Илона Кәыҵниаԥҳа,
16. 03. 2023


Еиқәтәашьа змам ахьаа иахылҵыз игәыҭшьаагоу, иссиру #алирика

🧡 Ахьыуардын шәақәтәа
Please open Telegram to view this post
VIEW IN TELEGRAM
😢187🙏4💔1
Ицқьаны 35 шықәса уажәаԥхьа Лыхнашҭа ӡса-ӡсауа уаала иҭәын. Хәажәкыра 18, 1989 шықәсазы Аԥсны аҭоурых аҿы акырӡа зҵазкуа Лыхнытәи ааԥхьара адунеи иарҳан.

Жәлар рфорум "Аидгылара" еиҿнакааз ари аизара 36 нызқьҩык ауааԥсыра еиднакылеит. Аԥсны ашьагәыҭ жәлар рзинқәа зыхьчоз ашәҟәы акы иацәымшәаз Борис Адлеиба ахаҿы днаргыланы рнапы аҵарҩит 30 нызқьҩык инареиҳаны аԥсуаа, иара убас даҽа хә-нызқьҩык инарзынаԥшуа иҳаланхо егьырҭ амилаҭқәа рхаҭарнакцәагьы. Ихадароу зыҳәарас иҟаз – Аԥсны Қырҭтәыла иахьԥшымкәа, уаанӡеиԥш хазы иҟоу республиканы аиҭашьақәыргылара акәын. Жәларык рҿахәы, рнапы зныз ашәҟәы аиашьыкқәа еицрыхәхәа ирҭаҵаны Москваҟа иргеит. Акомпартиа аҭоурых ари аҩыза амбацызт.

1931 шықәсазы Аԥсны автономтә республиканы Қырҭтәыла ианадырҵа аахыс маӡа-аргама ҳаӡҩара иаҿын, ҳбызшәа ҳҿыхуа, аԥсуа ҭоурых, акультура, атопонимика еицакуа. Аԥсуаа – иқәнагалаз жәларуп, Аԥсны автономиа амхтәуп ҳәа аҳәҳәара иаҿын. Шәарак-ԥхашьарак рыла ихӡамкәа ҳаԥсадгьыл аҿы ҳмыцхәны ҳҟарҵарц иашьҭан рышәҟәыҩҩца, "рҵарауаа", рпублицистцәа, рполитикцәа гьангьашқәа. Ес-жәашықәса ари иаҿагылоз ҳажәлар ргәынамӡара хышхыҵәон, ахақәиҭра азықәԥара аанкыланы иҟамызт, аҵыхәтәан шьакаҭәарадагьы иамуит.

Иааидкыланы, 1989 шықәса иаӡбаз рацәоуп анаҩстәи ахҭысқәа рыҿиашьазы. Хәажәкырамзазы имҩаԥысыз Лыхнытәи аизара инашьҭарххны, рашәара 2 рзы Владислав Арӡынба СССР Иреиҳаӡоу Асовет адепутатс Москва дықәгылеит, хы цаҳә-цаҳәны иҭҟьеит усҟан иҟаиҵаз ажәахә. Ԥхынгәымзазы Аԥсуа филармониаҿы имҩаԥысит аполитикатә акциа, амлашьрақәа, ҭагалан Аҟәа еиҿкаан Кавказ ашьхарыуа жәларқәа рассамблеиа. Аԥсны ахьыԥшымра ашәахәақәа цәывҵаҷҷо иалагахьан.

🧡 Ахьыуардын шәақәтәа
Please open Telegram to view this post
VIEW IN TELEGRAM
Please open Telegram to view this post
VIEW IN TELEGRAM
👍197❤‍🔥2
Анкьа Хәажәкыра аан ашә згәылам ахәажәақәа (аҳампалқәа) рынахыс, амреи, амзаҿеи, алаҳәареи, акалакәыти рсахьа змақәазгьы кны ирыхныҳәон. Абри атәы ҳԥылоит аетнологцәа русумҭақәа рҿы, асахьаркыратә литератураҿы, иара ус иахаанны изгәалашәогьы ыҟоуп.

Аныҳәа Хәажәкыра иаалырҟьаны зхала иҟалаз акы шакәым убоит: ижәытәӡоуп, аамҭа аҽанашәаны ишьақәгылеит, аԥсуаа рамзар аҿы ахатә ҭыԥ ааннакылоит. Хәажәкыра Жәабран иашьҭанеиуеит, аӡыни ааԥыни реилыҵымҭазы имҩаԥырго қьабзуп. Жәабран — арахә-ашәахә ирызку ныҳәазар, Хәажәкыра — адгьыл ақәаарыхра, аҿиара иадҳәалоуп.

"Амза асимвол — амза ианазҳауа, аиаҵәара аара ианалаго иазкуп. Амра акәзаргьы ааԥын амч аиуа иалагоит, аԥсабара ҿиоит, адгьыл арԥхоит. Акалакәыти алаҳәареи еицуп, урҭ арыц агәылхреи, аҿырпреи, аҟәаҟәареи алзыршоз маругақәоуп. Ахәажәақәа ажәытәан аши, ахәыӡ шылеи, ачашылеи еилаԥсаны иҟарҵон, аригьы ритуалтә ҵакыс иаман ашықәсан аҽаҩра бзиа аҟалара, абарақьаҭра", — Инга Шамԥҳа.

Алаҳәара аныҟарҵоз амажәа аарҟьаҟьаны арыц хыхь иақәрыԥсон, ус ишыҟоу иржәуан. Алаҳәара цырак акәын иҟарҵоз, акалакәытқәа — аҩнаҭаҿы аҳәса (аҭацацәа) шаҟаҩ ыҟаз аҟара, аҳампалқәа — аҭаацәара иалоу зегьы хԥа-хԥа рыхьӡартә еиԥш.

Аԥсуаа еснагь аԥсабареи дареи еидҳәалан, иамырхуаз аҟара арҭар рҭахын. Убри азын аныҳәарақәа рацәаны иҟарҵон. Жәабран лыԥхала ҳӷыҵысит, ари нахыс ҳмарымажаны ҳҟалааит ҳәа ианныҳәалак ашьҭахь ҿыц аизҳара иалагоз аиаҵәара, адгьыл ақәаарыхра, ацәаӷәара аамҭа ааиуан, убри иазкын Хәажәкыра аныҳәа.

Ақьырсианра анышьақәгыла Хәажәкыра ачгара аҵалара иақәшәо иалагеит. Аԥсуаа Мшаԥынӡа акәац рфаӡомызт, арахә ирыгын, насгьы ауаҩытәыҩса ицәеи-ижьи аҽарыцқьоит ҳәа иԥхьаӡан. Уи аамҭазы шамахамзар цыфас ирымаз аиаҵәара игылоз акәын.

Хәажәкыра аныҳәа гәырӷьарала инҵәон, аҿар хәмаруан-иччон, иҟан уи ауха зынасыԥ иаԥшуазгьы.

Ахыҵхырҭа>>

🧡 Ахьыуардын шәақәтәа
Please open Telegram to view this post
VIEW IN TELEGRAM
👍19🤗32
Иналукааша аҳәынҭқарратә усзуҩ, ареволиуционер, аӡбаҩ, аԥсуа патриот Уасил Агрба диижьҭеи иахьа 135 шықәса ҵуеит.

Уасил Агрба диит Мгәыӡырхәа ақыҭан, аҵара иман, дырҵаҩын, дыԥшьаҩын. Дышқәыԥшызнатә амца ицрыддуа иуаажәларратә позициа ааԥшхьан, 1905-1907 шықәсқәа рзы аҳратәра аимыхра иазкыз аманифестқәа дрылахәын. Амилаҭ-хақәиҭратә қәԥара далагылан, "Кьараз" еидызкылоз дыруаӡәкуп, Нестор Лакәабеи, Ефрем Ешбеи, Николаи Ақырҭааи днарываргыланы усҟантәи анхаҩыжәлар иргәашьамхыз иоуп.

Нестор иеиԥш иаргьы аамҭала Аҟәа абахҭа дҭакын аменшевикцәа рхаан. Ихы данақәиҭха ҩаԥхьа иус дазыхынҳәит – Гәдоуҭа араион иахьаҵанакуа бџьаршьҭыхла ақәгылара еиҿикаауан, иаб игәараҭа штабс иҟаҵаны. 1920 шықәсазы, аԥхын, 14 гәыԥ, 600-ҩык инарзынаԥшуа ауаа анҭыҵрада ус рымамкәа еиқәных еибиҭеит, аха усҟан рыгәҭакы намӡеит. Уасил Агрба деиҭадырбаандаҩит, Баҭым дҭаркит ашьра иқәҵаны. Иԥсы еиқәзырхаз 1921 шықәсазы Асовет мчра аиааира ахьагаз ауп.

Аԥсны амчра ҿыц анааи, Уасил Агрба Гәдоуҭа араион аҭакԥхықәра зцыз еиуеиԥшым амаҵзура хатәрақәа ааникылон, Иреиҳаӡоу аӡбарҭа ахантәаҩыс дыҟан, ааглыхра ласы дахылаԥшуан. Ажәлар рҿы ахьӡ-аԥша иман, дуаҩ дырын, деилыхха дыҟан, иԥсадгьыл дахәон. Иуаҩыбжара дынҭагылон еиԥш ибӷаԥҵәагахаз арӡрақәа раамҭа дахәлабгагәышьеит иаргьы, 1938 шықәсазы ддырӡуеит. Иԥсышьахаз, ибаҩ ахьамадоу иахьа уажәраанӡа еилкаам...

Уасил Агрба ибаҟа ԥшӡаӡа игылоуп Мгәыӡырхәа ақыҭан, иара уа иӷьазӷьазуа ахәы акәаԥра иқәгылоу, аҭоурых дуӡӡа змоу Мгәыӡырхәатәи абжьаратә школ иара ихьӡ ахуп. Игәалашәара ҿыхоуп, иҿымцәааит наӡаӡа!

🧡 Ахьыуардын шәақәтәа
Please open Telegram to view this post
VIEW IN TELEGRAM
👍145🙏2
Ахьыуардын
Иналукааша аҳәынҭқарратә усзуҩ, ареволиуционер, аӡбаҩ, аԥсуа патриот Уасил Агрба диижьҭеи иахьа 135 шықәса ҵуеит. Уасил Агрба диит Мгәыӡырхәа ақыҭан, аҵара иман, дырҵаҩын, дыԥшьаҩын. Дышқәыԥшызнатә амца ицрыддуа иуаажәларратә позициа ааԥшхьан, 1905-1907 шықәсқәа…
Уасил Агрба инысымҩа, ихаҭара агәынкылараҿы изызхьаԥштәу даҽак ыҟоуп. Инаԥар ааишәыхны ԥсыуа маҭәала иҽеилаҳәан Нестор дивагылаанӡагьы динуаҩык иаҳасабала иааԥсарақәа маҷмызт Аԥсназы.

Убас, 1917 шықәса лаҵарамзазы Аԥсуа Уахәама ахьыԥшымра ахьрылаҳәаз аизара аиҿкааҩцәа дыруаӡәкын. Ари аизара усҟантәи аԥсуа интеллигенциа ахатәрақәа алахәны имҩаԥысит, хантәаҩыс даман Симон Басариа, ихаҭыԥуаҩс — Уасил Агрба, маӡаныҟәгацәас иалхын Самсон Ҷанбеи Михаил Ҭарнааи. Иазгәаҭатәуп, ҳара ҳазмырӷьацарц иашьҭаз амчқәа рыбжьара Агрба амилаҭ зҵаарақәа рыхьчараҿы исанӡӷә цәгьоуп ҳәа длаԥшықәҵан дышрымаз.

1918 шықәсазы ақырҭуа меншевикцәа Аԥсны анрымпыҵархала, Агрбеи Басариеи адин амаҵура ааныжьны ахақәиҭратә қәԥарахьы ииасуеит. Усҟантәи аҭагылазаашьаҿы рыԥсадгьыли рыжәлари усала еиҳа ирыхәарҭахап ҳәа ԥхьаӡаны. Аригьы шьаҿан!

Арҭ ахҭысқәа инарҭбааны дырзааҭгылеит аҭоурыхҭҵааҩ Аб Дараҭ (Дбар) 2017 шықәсазы аизара шәышықәса ахыҵра иазкыз аконференциаҿы, иаагоуп иара убас 2019 шықәсазы иҭыҵыз ишәҟәаҿгьы: "Абхазия сегодня. Что делать?" ад.: 164-165.

📖
Анаԥа́р — ряса

Асахьа: Аԥсуа телехәаԥшра архив аҟынтә

🧡 Ахьыуардын шәақәтәа
Please open Telegram to view this post
VIEW IN TELEGRAM
👍135
This media is not supported in your browser
VIEW IN TELEGRAM
Шықәсык ахь ҩынтә ҳазҭысуа амши аҵхи реиҟарара аамҭа аԥсуаа ахьӡ ссирқәа азырԥшааит: ааԥын ианыҟало Тамашәҭы́н ҳәа иашьҭоуп, ҭагалан – Тамача́н. Весеннее равноденствие – "пора цветения персика", осеннее равноденствие – "пора созревания персика".

Еилкаауп, ари мышкы-ҩымш шакәым, амш шаҟа ацлаз-иагхаз минуҭла итәаны ирыԥхьаӡомызт, аха аԥсабара иашьклаԥшуан, ирҿахәыҭхәыҭуа рыла ихгылан, аҽеиҭакшьақәа рбон. Атамшәҭ быбышӡа игәылҵыз аамҭа бзиа иақәшәаны, ахьҭа иамккәа икаҳәҳәы ашьапаҿы ишьҭаларц жәаба-жәохәмш аҭахуп, ашәыр аҟалараангьы убас – ҩымчыбжь инацны.

Ари ашәыр хаа бзиа ибаны, ирацәаны ишарҭоз убоит Аԥсны. Ҳәарада, иҟоуп аԥхын заа иҟало ахкқәагьы, аха аԥсуа тамақәаҵәҟьа акыр ихьшәаны акәын, Нанҳәа шыҟоу, цәыббрамза аҩбатәи азбжанӡа, ҭагалан амши аҵхи анеиҟарахогьы усҟан ауп.

🍑 Аԥсны ирааӡо атама хкқәа: а́ԥсуа тама, атаме́ихаҳа, заа таме́ихаҳа, атамацәҳәы́, атамасса́, аҵәа́тама, абҳәа́тама, амаргәы́лтама, а́ӡынтама (иаҿшәырԥш: аӡынҵәа), ацәҟәыншьа́, атамаҩе́ижь. Арҭ реиҳарак аҳәаса иахаҳау тамажәлақәоуп.

Ааԥын амши аҵхи реиҟарара аамҭа иадҳәалоуп ҵҩа змам ажәлар разгәаҭарақәа. Иахьа-уаҵәы амш зеиԥшрахо ала ажәытәан раарыхрақәа, рҽаҩра шыҟалаша рдыруан. Ари абжьарак ақәа леиуазар, иӡысаамҭахоит рҳәон, амш еилгазар – иаарҩарахоит.

Хәажәкыра 20-22 амшқәа рзы ирҳәоит иара убас "ақәыџьма аӡы ианҭабылгьо" ҳәагьы.

🧡 Ахьыуардын шәақәтәа
Please open Telegram to view this post
VIEW IN TELEGRAM
19👍7
Март 21 — Адунеизегьтәи апоезиа амш азгәарҭоит. ИУНЕСКО иаԥнаҵаз ари аныҳәа сынтәа 25 шықәса ахыҵит. Арыцхә алхра машәырны иҟамлаӡеит, ааԥын амши аҵхи анеиҟароу иақәдыршәеит, уажәааны аԥсабара шҿыхо еиԥш ауаатәыҩса арҿиарахь ирыхо агәазыҳәарагьы ҿыхаларц.

Аԥсшәа апоезиа ианаалоит. Ҳиԥхьап уи џьашьахәыла изыршаҳаҭхьоу, ажәа сахьарк ақәцә акьышәкьышәраҿы ихазгалаз ҳарҿиаҩы:

– Жәеинраалоуп, нас, ҳазҿӡоу, аха ианбанӡа?
– Ҳпоетцәазар, ус ҳцалароуп ҳаԥсаанӡа!

– Аха ҳҽаанаҳкылар еиӷьзар убраанӡа?
Аԥхьаҩ дзеигәырӷьаз, иаԥаҳҵахьаз уаанӡа,
Уажә ҳаздыԥсыло урҭ раҵкыс еицәаҳтәыр?
Ҳаччархәхоит, ҳазлаҟам ала ҳхы нцәаҳтәыр!
Усҟан шьха рҩашҵас ҳшьа еибафон, ҳаҷкәынцәан,
Ҳцәалашәара шԥаҟаз? Ицон ихышхыҵәан!..

– Ииашоуп, ианаамҭоу аангылашьа иақәшәаз,
Иԥыхьашәар алшоит анасыԥ иалшәаз!
Аха умҩыр ада иумамзар ԥсыхәа,
Ус уцалароуп, уажәа хьыршәыгәқәа ныхуа!
Аха ԥҟаррак атәы мҳәакәа исызныжьуам:
Ҿан иуанажьхоз, жәын иуанарыжьуам!


Баграт Шьынқәба, 1982, Аҟәа

Ианышәҵа зегь раасҭа бзиа ижәбо аԥсуа поетцәа рцәаҳәақәа 🤗

🧡 Ахьыуардын шәақәтәа
Please open Telegram to view this post
VIEW IN TELEGRAM
16👍7
Агәылеи агәи. Арҭ амшқәа Аԥсны Урыстәыла иацџьабоит. Амза 22 ауха Москва иҟалаз аԥсыҭбара рацәа зцу атеракт згәы иалымсыз, зшьара иқәнамырҟьаз аӡә дыҟамзар ҟалап.

Еилкаашьа узаҭом, иарбан мчы еиқәаҵәоу ауаҩытәыҩса иӷра иҭшаз абас изырҟаҵар зылшо. Аха... ауаҩы дангыгшәыгха, ауаӷеимшхара, агыгшәыгқәа зегьы дреицәоуп.

Рыԥсы ҭынчзааит гәымбылџьбарала иааргәыдҵаны ишьыз, уи ахыбра хлаҳәацәгьа издәылымҵӡакәа зыхраҭ иазцаз агәаҟқәа. Ргәы бзиахааит ахәра зауны ишьҭоу, зыԥсы ахац иаку ауаа. Аамҭа бзиа рыхьӡааит ақьиақәа зегьы адунеи аҿы инхауа.

🧡 Ахьыуардын шәақәтәа
Please open Telegram to view this post
VIEW IN TELEGRAM
😢232
Акәакәар изыхныҳәо ашә адагьы акакан агәылаҵаны ирӡуан ажәытәан. Кәыҷа Лакрба ишәҟәаҿы иаҳԥылеит ус еиԥш ("Иҭамбаӡо аӡыхь", 1979 ш.). Иара ишиҳәаз ала, Ажьырныҳәа // Хьачхәамазы анкьа ирӡуаз акәакәарқәа акакан рыӷран.

Аныҳәа мчыбжьык аҟара шыбжьаз араҵла мҿы иҩаны иҟоу, аԥырӷы рацәа ҟанаҵоит ҳәа, аингалара иалагон ахацәа. Уаҵәы Хьачхәамазар, иахьа шьыбжьышьҭахь еиԥш амҿы еихәлажьны амца агәгәаҳәа еиқәырҵон, ахәшҭаара аршра иалагон. Акәара ахықәқәа, аҿыџьрақәа рҿы изызҳауа аҵиаа зыбӷьы ҟьаҟьоу ҟәшәаны иааргон, акәакәар анырӡуа иақәырҵарц.

Акакан арыц аҳаҟьаҿы ԥхныгала иаасуа ирхәахәон, убра аҵыбреи араҳанеи еиларҟәыҷны иарҭон, нас амажәа иагәыларҵон. Акәакәарқәа ҷаԥшьӡа ианӡлак иааҿҳәыхны, ирыцқьаны кәтыхӡыла арашы рхьыршьуан, еиҳагьы иҟаԥшьӡа иҟаларц. Арыци, араҳанеи, аҵыбреи рыфҩы лаҳалаҳауа акәакәар агьама дырхаауан. Ари арецепт ачгара иҵоу иԥыршәар ҟалоит.

📖 Аҿы́џь — грот

🧡 Ахьыуардын шәақәтәа
Please open Telegram to view this post
VIEW IN TELEGRAM
👍165
Ари жәдыруазма?

Акәакәар иазку аурысқәа рлакә "Колобок" ажәытәӡа даҽакала еиҭарҳәон. Акәакәар хыҭкәеи алыгажәи аҭакәажәи ианрыцәца, ашәарахқәа изԥылоз зегьы (ажьа, ақәыџьма, амшә) иацҳаны ҽыҭк-ҽыҭк амырхуазаарын, аҵыхәтәан абгахәыҷы ҵыхәабаба ианаба ицәаҳаҳаны цәынха хәыҷык акәын иҟаӡаз. Ари афырҳәа илбааздап шаҳәоз илахәлахан, еимҳәа-емсо цәгьала аҟырҟы иҭыхны иканажьт. Акәакәар ас аԥсы анаиу, иаақәгьежьаан, егьырҭ ашәарахқәа ирфахьаз аҽыҭқәагьы рымхны ҩаԥхьа ишеибгаз еиԥш икәаруа аҩныҟа игьежьит.

Аханатә ари алакә акосмогониатә ҵакы аман, амза афазақәа рҽеиҭакра аанарԥшуан, уи агхареи ацлареи. Афольклористцәа иҭырҵааит уи ус шакәу. Ахәыҷқәа ирзеиҭашәҳәа ари аверсиагьы, ишыргәаԥхо жәбап. 🤗

🧡 Ахьыуардын шәақәтәа
Please open Telegram to view this post
VIEW IN TELEGRAM
👍183
Академик Шоҭа Ҟасҭеи-иԥа Арсҭаа идунеи иԥсахгәышьеит. Гәалсра дууп, имԥсуа аӡәгьы дыҟам, аха иацы акәымзи Аԥсны ахы-аҵыхәа имшира анидаҳныҳәалоз. Иҵегь ԥыҭк дҳамазар ҳҭахын. 😢

Аԥсуаа ишырҳәо еиԥш, иуазыри-иуасиаҭи ҳазныжьны дцеит. Иԥсадгьыл аҭоурых даларсуп, ишьҭамҭа ӷәӷәаӡа ианиҵеит, ҵҩа змам иааԥсарақәа, иџьабаа ижәлар ирзынхоит. Дахьнеиуа дазымшхааит, иԥсаҭа лашазааит. Иҩызцәа гылалааит Аԥсны! 🙏🏻

🧡 Ахьыуардын шәақәтәа
Please open Telegram to view this post
VIEW IN TELEGRAM
😢16🙏9😭61
Аԥсуа режиссиор Наур Гармелиа раԥхьаӡатәи зметр кьаҿу ифильм "Аҵыхәтәантәи ахәԥса" аҳамҭа рацәа еизнаҳәҳәеит Ханты-Мансииск, адебиутқәа иахьрыхәаԥшуаз Жәларбжьаратәи акинофестиваль аҟны. Қәҿиара дууп иара изы, гәахәароуп, игәадуроуп Аԥсназы. Идаҳныҳәалоит 🎉🎞

Ари аҷкәын аҟазара шилыжжуа заа иааԥшхьан, ҳаамҭазтәи аԥсуа литература иазҿлымҳау аԥхьаҩцәа иргәалашәоит гьамала, аԥсышәа гәылыршәала ииҩуаз ажәабжьқәа. Урҭ рылоуп ирҿиаратә мҩа шхациркыз. Убасҟан дгәалҭеит аҿар рзы алитературатә клуб еиҿкааны измаз ажурналист Елеонора Коӷониаԥҳа.

Sputnik Аԥсны ианылаз уажә ааигәатәи реиҿцәажәараҿгьы Наур иҳәеит "зсахьаркыра ҳараку акино – абжьи аԥштәи зцу литературоуп" ҳәа. Абаҩхатәра злоу, апроза бзиа аԥҵара зылшо авторцәа дреиуоуп, ҳәарада. Иахьа имч-илша, ихәыцра зызку акино ауп, иреиҳау аихьӡарақәа изыԥшызааит!

Наур Гармелиа аҭыхрақәа мҩаԥигарц ахьиҭаху аҭыԥқәа зегь раԥхьа иргылоит иқыҭа гәакьа Гәыԥ. Иџьоушьаша, Гәыԥ иҟоуп Ады́ӷаџьара захьӡу аҳабла, англыз бызшәахь еиҭоугозар — Hollywood. Аԥсны акинематограф аизҳазыӷьареи иара игәахәтәы анагӡареи ирдыргахааит абри аҩыза аиқәшәара! Ҳиқәгәыӷуеит.

🧡 Ахьыуардын шәақәтәа
Please open Telegram to view this post
VIEW IN TELEGRAM
👍194
Еицырдыруа аԥсуа жәабжьҳәацәа дуқәа, аҿаԥыц-уаа Ҟасҭеи Арсҭаа, Маадан Сақаниа, Синаҭ Џьниа, Тыкә Кәыҵниа ирыхҳәаалоу Мушьни Лашәриа иажәеинраала:

АԤСУА БЫРГЦӘА

Аԥсуа быргцәа, шәмыццакын,
Иҳарашәк Сасрыҟәа илша!
Иашәырҳәа аԥхьарца, аҿарпын,
Ачараҿ жәытә ҵасла шәкәаша!

…Ажәабжь сашәҳәа, зны Лыхны
Гәаӷла ахы цаҳә-цаҳә зыҭҟьаз,
Шәа шәызхылҵыз абџьар кны
Реицықәгылара зыхҟьаз!

Исашәҳә, кьаразаа – иахьеи уахеи
Алакәаба изизҵаауаз?..
Исашәҳә, ҭауади-аамысҭеи
Ишырцәыжәгоз аҭарчеи!..

Гомер уицырҟьоуп, Ҟасҭеи,
Ус уагьаанхоит бзанҵы!..
Игәыҿкаагоуп уашәақәа рдунеи,
Изласҳәои уԥхьарца абзырӡы?!

Жәытә жәабжьк уалага, Маадан,
Иԥшуп Ҟәыбина аԥшаҳәа…
Нарҭааи уареи "шәеимадан", –
Нарҭаа зеиӷацәахаз ҳәа!..

Арамҵа шәшьыраҟны, Синаҭ,–
Са сазыӡырҩып ичҳа, –
Амҳаџьыр-жәлар руасиаҭ –
Угә иҭымҵәо сгәы иарҳа!

…Еҳ, иаҳа-иаҳа иаӷахоит,
Аԥсуа быргцәа рҭаацәара…
Урҭ аныҟам – дак ҭахоит,
Инаскьоит дунеик хара!

Аҷандара быргк дызбом, –
Иаԥхьа Гьаргь иџьар аркны…
Уажәшьҭа Аҭара Тыкә синиом,
Дыццакыҵәҟьеит, ҵабыргны.

Уаҳа, мап, исаҳаӡом –
Игаӡом шьҭа саб ибжьы,
Уи сыцуп, сыҟанаҵ еиԥхьбом –
Исхатәаанӡа ашәшьы…

Аԥсуа быргцәа – аҭоурых,
Аԥсуа ҵас – намысла иҭәу,
Аԥсны ажәытә-аҿатә аҟәых,
Ашәа – ахара игатәу!

…Шәҳагмыз! – ҳасасцәа шәырԥыл,
Ишырԥылалоз Аԥсны!..
Ажәытә еиԥш шәҽышькылқәа шәрынгыл,
Шәаԥсуа маҭәа шәышәҵаны!..

Аԥсуа быргцәа, шәмыццакын,
Ҭабара ақәымзааит шәҳәатәы!..
Иашәырҳәа аԥхьарца, аҿарпын,
Аԥсра аҿаԥхьа шәшьацәхыртәы!

1972

🧡 Ахьыуардын шәақәтәа
Please open Telegram to view this post
VIEW IN TELEGRAM
👍174👏4
🌩 Ишыдыдуа қәа ауам.

Ҳажәаҳәа иалоу, иуниверсалтәу, ахархәара бзиа змоу ажәаԥҟоуп, зегьы ирдыруеит. ХХ ашәышықәсазы ашәҟәы ианыло иалагаз ажәлар рпоезиаҿы иҵегь ихаҭәааны, иҵегь исахьаркны иуԥылоит. Иаагозар, Хабыр-иԥа Кац иашәа иалоуп абас еиԥш:

"Ишыдыдуа еиԥш қәа ауам,
Ишымацәысуа еиԥшгьы шәаԥшь ҵнагауам,
Аԥша шасуа еиԥшгьы бӷьы каԥсом".


Ишԥассиру! Ҿаԥыцла еиқәхаз ҳабызшәа — иҭамбаӡо аӡыхь.

Хабыр-иԥа Кац ихҳәаау аҭоурыхтә-фырхаҵаратә ашәа анҵан 1934 шықәсазы Џьырхәа ақыҭан инхоз Ҳаразиа Хабыгә иҳәамҭаны.

Ахыҵхырҭа: Аԥсуа жәлар рпоезиа. Еиқәиршәеит Баграт Шьынқәба, 1959

🧡 Ахьыуардын шәақәтәа
Please open Telegram to view this post
VIEW IN TELEGRAM
👍186
Media is too big
VIEW IN TELEGRAM
Аԥсынтәыла икаҷҷоит амра каԥхара,
Игәырӷьоит иахьа, ишәҭуеит аԥсабара,
Алада ихәмаруеит ага ацәқәырԥара,
Аҩада иӷьазӷьазуеит ашьха ҩаскьара.


Баграт Шьынқәба

🍀🐝 Мшаԥымза — быӷьпытын ашьхааӡара иазку ажәаԥҟақәа рыла ҳҭалап:

• Ашьха ацха ԥсата аагара злымшо аӡы аадыргоит.

• Ашьха аашьақәа рҩызцәа иршьуеит.

• Ашьхақәа ранацәа рацәахар, еиҿымҵыр — еинаалом.

• Ашьхыц знык ицҳар иԥсуеит.

• Алашә уахынла (мзала) дышьхашәон.

• Ашьха змыцҳац ацха зыԥсоу издыруам.

• Ашьхымзагьы зны ацха агхоит.

• Ашьхыҵә ахьыҟоу ацхагьы ыҟоуп.

• Ашьхыц зқәымтәо шәҭыц ыҟам.

🔸 Ишьхымзагәара аҽыуаҩ дзакәшом — дыбзанхаҩуп, дбеиоуп, букв.: "его пасеку на коне не объедешь";
🔸Цха-хәшала дааӡоуп — он воспитан в полном достатке.

📖 Иахьазы апассивтә лексикахь аиасра иаҿу ажәақәа:

А́цхаԥсата
— падь (сладкая клейкая жидкость на листьях растений)
Ашьха́шәара // ашьхы́шәара
— охота на диких пчел;
Аԥсуа шьха — абхазянка;
А́шьхаӡаагаҩ — пчела-водонос;
А́шьхарыцқьаҩ — пчела-чистильщица;
Ашьха́р; ар — рабочие пчелы (рой пчел);
Ашьхаран, ашьхараҳ, ашьхары́жә — пчелиная матка;
А́шьхарчаҩ — пчела-кормилица;
Ашьхаҩры́ — трутень;
А́шьхыҵә — рой пчел;
А́шьхасса, а́шьхаусуҩ — виды рабочих пчел;
Ашьхарымҩа — название созвездия "Дорога пчел".

#ажәаԥҟақәа

🧡 Ахьыуардын шәақәтәа
Please open Telegram to view this post
VIEW IN TELEGRAM
👍203
Ахьыуардын
Аԥсынтәыла икаҷҷоит амра каԥхара, Игәырӷьоит иахьа, ишәҭуеит аԥсабара, Алада ихәмаруеит ага ацәқәырԥара, Аҩада иӷьазӷьазуеит ашьха ҩаскьара. Баграт Шьынқәба 🍀🐝 Мшаԥымза — быӷьпытын ашьхааӡара иазку ажәаԥҟақәа рыла ҳҭалап: • Ашьха ацха ԥсата аагара злымшо…
Аԥсуаа аҩы адагьы аҳаԥшьа иҭарҭәоз даҽа рыжәтә џьбарак ыҟоуп – ацәаӡы (хмельной напиток из меда, букв.: "восковая вода"). Ацха ԥшны ианалгалак, ацәа иаанхаз ақәаб иҭаҵаны, аӡы ахаҭәаны идыршуан, идырӡҭуан. Ианыхьшәашәалак ацәа ахыхны, ацхаӡы аҳаԥшьа иҭарҭәон. Уа иахьҭоу аҩеиԥш еилашны еиқәтәон, аҩаҟарагьы иџьбарахон. Ашьхымзагәара ҭбаа змаз ацәаӡы маҷымкәа иҭарҭәон, 600 литра рҟынӡа.

Ахәыӡи ацхеи ирылхны иҟарҵон иара убас абаӷсма́ ҳәа изышьҭоу арыжәтәгьы. Ашьха қыҭақәа рҿы аакьыскьанӡа ирыман, ашәуаа иахьанӡагьы иааргеит. Иҳаҩсыз ҭагалан Лыхнашҭа аҽаҩра ныҳәаҿы "бахсыма" ҳәа згьама ҳдырбоз иароуп. Урысшәала — буза́ (древний хмельной напиток из просяной муки и меда).

Аԥсуаа рҿы ашьхааӡара аҭоурых азқьышықәсақәа иргәылсны иаауеит, ажәытә ҩыратә хыҵхырҭақәа шаҳаҭуп уи азы. Антикатәи автор Ксенофонт инижьыз адырраҭара ҳера ҟалаанӡа IV ашәышықәсахь иаҵанакуеит, усҟан Колхида зехьынџьара алаҵәара аиухьан ашьхааӡара, ацхаԥшра, ацәа алахәаахәҭра. Страбон ихаангьы ҳашьхааӡара далацәажәон (I ашәышықәсазы ҳара ҳераан).

Ацәа цқьа рхы иахьадырхәоз маҷхәызма: ачысмаҭәа шьшьар еидҷаблагас, арахәыци ашахеи рырӷәӷәагас, амшынныҟәацәа рышхәақәеи рнышьқәеи ирхьыршьуан, рҽалархәышәтәуан, ацәашьы алырхуан.

Аԥсны 80 рҟынӡа ацха бзиа злыҵуа аҵлақәеи аҵиаақәеи ирызҳауеит. Ашьха рынцәахәыс ишьоу Анана-Гәында лтәарҭақәа ҳәа иалкааны иҟоуп, Анантәара ҳәа ирышьҭоуп, Дал-Ҵабал, Гәымсҭа, Ԥсҳәы, Бзыԥ аԥсҭа, Тҟәарчал, Арасаӡыхь, Аҷандара уҳәа акырџьара. Аҟәа араион "Цхала-Шәбаара" ҳәа аҭыԥхьӡ уԥылоит, цхала иҭәыз ашәҵлақәа рыла ихҟьан, ацха амҵәомызт.

Убас, Ахаҭа ҳәа иахьашьҭоу ахрагьы ацха ҭан рҳәоит, анеирҭа ахақәа рыла ичаԥаны иҩаган. Мрамба ахраҿы ацаҟьа ашьшьара аџьтә лыкә алаҵаны, ашьха ахьҭоу аҟынӡа мҿыла ичаԥаны, ӡарҵәила иԥахны, ахаларҭа аҭаны иҟан. Ацаҟьа агәаҩара иазымкуаз асаранџь адәахьала иамиаауан. Аҭхаџь-абарақьаҭра! 🍯

Ахыҵхырҭақәа: Иван Аџьынџьал "Из этнографии Абхазии", 1969; А. Агәмаа "Ашьхааӡара атрадициеи, аритуали, амифи", ажәахә 2021.

Асахьаҿы: аҵлагәаҩа-шьхымзақәа (улей-дуплянка)

🧡 Ахьыуардын шәақәтәа
Please open Telegram to view this post
VIEW IN TELEGRAM
👍26❤‍🔥53
👑 "Агәыргьын" даҽакала ишԥаҳҳәо?

"Агәыргьы́н" (корона // венец) аԥсшәаҿы ихадароу аҵакы — ақьырсиан динхаҵарала зынасыԥ еилазҵо ирхаркуа ауп, агәыргьынхаҵара́венчание; коронация, мрагыларатәи ҳгәылацәагьы ирҿоу ажәоуп. Аҳцәа ирхарҵоз, хьы-раӡныла ичаԥоу амаҭәар аԥсышәа цқьала иҵегь аҳәашьақәа амоуп, ашьагәыҭ лексика иалоуп ианеиҵоу х-ажәак ари аилкаара аазырԥшуа:

• Ахьынҷха́,
• Ахьхҿа́,
• Ахьхаҵа́,
• Ахыркы́ра


"Ахьхҿа" букв.: "золотые стрелы".
Егьырҭгьы еилоу шьаҭақәоуп, ирзеиԥшны иаҳбоит "ахы" (голова), "ахьы" (золото). Иаҳԥылоит ажәарқәа рҿы, асахьаркыратә литератураҿы. Ҳажәаҳәаҿгьы ахархәара раҳҭалар бзиоуп.

Асахьаҿы: Аԥсҳа Лауан II дызну аԥсар ҿыц, иҭызхыз Руслан Габлиа

#асинонимқәа

👑 Аурыс поет, археолог Виктор Стражев иҩуан, 1917 шықәсазы Аҟәа мшыцәгьашьҭахь аҟәараҿы ирбеит ҳәа аҳак ихьхаҵа еибганы. Усҟан уи еиԥш хәы змоу аԥшаахқәа лассы-лассы ауаа ирԥыхьашәон, амшын ӷәӷәала еисны ианеиқәтәалак агаҿа иқәлон, аԥслымӡ илхо, напыла иҭжаауа.

🧡 Ахьыуардын шәақәтәа
Please open Telegram to view this post
VIEW IN TELEGRAM
👍194❤‍🔥3