"Иалкаау ҳаԥсуа баҩхатәрақәа аханатә дара рҭыԥ, рҭоурыхтә ҵакы рымоуп. Дырмит Гәлиа иакәзар, иаҳҳәап "Илиада" иацназго ак аԥуҵаргьы, иара иҭыԥ иҭыԥуп, иахьагьы-уаҵәгьы ԥсахра, еицакра ақәӡам. Убас, Баграт ду иакәзаргьы, ипоезиатә ҩымҭақәа, иҭоурыхтә роман "Ацынҵәарах" роума ҳпоезиеи ҳапрозеи рыҩаӡарақәа ирдыргоуп, убас иагьаанхоит, ҳлитературатә жанрқәа рыҿиара, реизҳазыӷьара иатәны. Егьыс, ҳәарас иаҭахузеи, иҟоуп дарбан рҿиаҩызаалак иаамҭа илнамыршо, илнаршо. Дырмит Гәлиа "Камаҷыҷ" анаԥиҵоз аамҭазы "Ацынҵәарах" узаԥҵомызт, Баграт ироман "Аҿатә уаа" аниуаз ашықәсқәа раан "Ахьтәы уасцәа" зцәырҵуамызт, Мушьни Лашәриа егьырҭ ипоемақәа "Аџьынџьи" Ашаеҵәеи" ракәзар, ацензуратә аамҭақәа рышьҭахь ҳаԥхьаҩ дыззыԥшыз ажәан, ус иагьыҟалеит".
✍🏻 Руслан Қапба, алитератураҭҵааҩ, акритик
Асахьаҿы: Дырмит Гәлиа, Иван Папасқьыр, Баграт Шьынқәба
🧡 Ахьыуардын шәақәтәа

Please open Telegram to view this post
VIEW IN TELEGRAM
❤16👍5
Асемит хылҵшьҭра зманы аԥсшәа иаднакылаз ахьӡқәа
• Дауҭ ← Давид иахылҿиааит, аҵакы: "бзиа ирбо";
• Алсабед ← Елизавета иахылҿиааит, "Анцәа инықәра";
• Ефрем — "аҿиара змоу", ԥсахрада иалалеит;
• Иақәыԥ ← Иаков иахылҿиааит, "ашьхәа" мамзаргьы "зышьҭа нзыжьуа";
• Иуа / Иуана / Уанчка ← Иван* иашьашәалоуп, "Анцәа иҳамҭа";
• Иасыф ← Иосиф иахылҿиааит, "аизҳара, аинҭәылара";
• Миха / Махьал ← Михаил иахылҿиааит, "Анцәа иеиԥшу";
• Самсон — "имратәу";
• Сусанна — "аӡышәҭ" (лилия), ԥсахрада иалалеит;
• Ҭамара — "финикиатәи апальма";
• Фама ← Фома иахылҿиааит, "еициз руаӡәк";
• Шәлиман / Салман / Салуман ← Соломон иахылҿиааит, "анаалара злоу".
* Йоханаан (древнеевр.) ахьӡ еиуеиԥшым ажәларқәа ирыдыркылеит, дара иртәны иҟалеит, рбызшәақәа рҿы ишьақәгылт: абырзенцәа рҿы Иоанн, аԥсуаа — Иуана, аурысқәа — Иван, анемеццәа — Иоганн, афранцызцәа — Жан // Жанна, англызцәа — Џьон, ақырҭқәа — Иване, аерманцәа — Ованес, аестонцәа — Иухан, аполиакцәа — Иан.
Ахыҵхырҭа: Валентина Амҷԥҳа "Аԥсуаа рантропониммиа азҵаатәқәа"
#ахьӡқәа

👍14❤10
Светлана Қәарсаииаԥҳа — аҟазараҭҵааҩ, атеатрдырҩы, ажурналист, Аԥсны зҽаԥсазтәыз акультура аусзуҩ, Ахьӡ-Аԥша аорден III аҩаӡара занашьоу иахьа лықәраныҳәа ԥшӡа лыдызныҳәалаз ҳҽырԥаҳшьыр ҳҭахуп.
Светлана Винор-иԥҳа — ҳаамҭазтәи Аԥсны акультура зыда ухаҿы иузаамго, ҽаӡәы иламҩашьо зхатә стиль, зхатә гәаанагара змоу, уи аарԥшра иацәымшәо, иалкаатәу здыруа ауаажәлар дрыгәҭылсоуп. Лыԥсҭазаара зегьы аамысҭашәала, гьамала аԥсуа доуҳа амаҵ аура иазкуп.
ГИТИС атеатртә факультет аҟны аҵара лҵон, иара уа аспирантура далгеит, 1985 шықәсазы адиссертациа хьчаны Аԥсныҟа дааит. Аус луан Самсон Ҷанба ихьӡ зху Аԥсуа драматә театр аҟны (алитература аҟәша аиҳабыс), Акультура аминистрраҿы, ажурнал "Аԥсны аҟазара" аредакциаҿы.
Аԥсуа милаҭ ҟазара азыхандеицәа ирзылкхьеит 70 инареиҳаны астатиақәа, аҭҵаамҭақәа, афильмқәа. Хазы арадиожурналистикеи ателехәаԥшреи даара акыр дырзааԥсахьеит. Аԥсуа телехәаԥшра, анаҩс "Абаза-ТВ" аҿы акыршықәса инеиԥынкыланы иҭыҵуан авторс дызмоу, ахаара зҵоу адырраҭарақәа хкы-хкыла.
2015 шықәса инаркны Дырмит Гәлиа иҩны-музеи адиректор, ихьӡ акамыршәразы хьаҳәа-ԥаҳәада, иаҭахызаргьы — хьаҵрада аџьабаа збо драԥхьагылоуп. Згәы былуа, иҵаулоу, лхы наудкыланы ихәшәу абжьагажәа узҭар зылшо, есааира зныҟәашәа зырццакуа ҳаамҭа иацназго напхгаҩуп. Агәабзиара, агәамч, аԥсынҵра ду лзеиӷьаҳшьоит. Ҽаанбзиала днеилааит! ❤️

👍15❤8
Ааԥынкакаҷ, акәмаркакаҷ, аазынкакә, ашьынҵәҟлынҵә — абри зегь уажәааны абна цәаакырақәа рыбӷьыжә ихәыҵԥхаауа аҵиаахәшә, ашәҭ фҩы хаа "цикламен" ахьӡқәа роуп. Зынӡа 50 хкы ахьыҟоу Кавказ 10 хкык уԥылоит, ҳара ҳҿы изызҳауа ендемикқәоуп, рыҵхра ҟалаӡом, аныӡаара ашәарҭа иҭагылоуп.
Касланӡиа-Џьонуа ржәар аҿы абас еихшоуп:
Аазынка́кә — цикламен,
А́аԥынкакаҷ — цикламен кавказский,
Ашьынҵәҟлы́нҵә, акәмаркака́ҷ — цикламен абхазский.
Алитератураҿы ҳазлаԥхьаз ала, ашьынҵәҟлынҵә ҳәа изышьҭоу ахкыцқьа ашәҭыцқәа бжеиҳан ашкәакәа ԥшшәы аархәоит, ҳара ҳҿы иуԥылақәо егьырҭ еилаԥсоуп, адәыкрынԥшшәи ацәаԥшьи рыбжьара иҟоуп.
Шәара ишԥарзышәҳәо арҭ ашәҭқәа?🌸

Шәара ишԥарзышәҳәо арҭ ашәҭқәа?
Please open Telegram to view this post
VIEW IN TELEGRAM
Please open Telegram to view this post
VIEW IN TELEGRAM
👍13❤7
Жәабран 25 — аԥсуа ҵарауаҩ ду, ашәҟәыҩҩы Омар Беигәаа (1901 - 2001) наунагӡа илацәа анеиқәиԥсаз амш ауп, иԥсаҭа лашазааит. Аԥсуа қәра ззырҳәо неигеит, иԥсы ахьынӡаҭаз ижәлар рҭоурых аҭҵаара дашьҭан, аԥсшәеи аԥсуареи ауаҩытәыҩсатә цивилизациа ахы шакыз уеилзыркаауа цаԥханы дрыхәаԥшуан. Аамҭақәа иргәылаԥшуаз, адырра ҷыда ззатуаз иакәын.
Ас иҟаз ауаҩы-ԥааимбар инарцәымҩа иқәлашьагьы џьашьатәуп:
Иҿҳәара шааигәахоз анидыр, саныԥсуа "Азар" сыцҳәа ҳәа длыҳәеит Омар Беигәаа иԥҳәыс а-Кәарҷиаԥҳа. Абри еибыҳәаны иҟан. Аҽны, аԥсеизгарахь деихошәа анылба, ашьшьыҳәа иаацәырылгеит. Еицырҳәо ишааиуаз иара иԥсы ихыҵит, лара даҟәымҵӡакәа аҵыхәтәанынӡа иналыгӡеит. Убас днаскьалгеит...
Ари аҭоурых гәырԥшаага еиҭалҳәон абызшәадырҩы Емма Кьылԥҳа
📖 Аза́р — аҿцәа рашәа, аԥсхәрақәа раан ирҳәон аҽырыҩра ианналагашаз.
🎼 "Аԥсуа жәлар рашәақәа 101" захьӡу Ковач ишәҟәаҿы "Азар" авариантқәа хԥа ааигоит.
Ари аинетерс аҵоуп: "Азар" ажәа аџьам бызшәала иаанагоит "амца", уаанӡа ианаҳҵахьаз аԥсуа жәаԥҟак аҿы иаҳәоит абас "Абылра иалахаз аҽы Азар ҳәаны иалыргоит". Макьанагьы иаҳзымдыруаны аԥсшәа ашьаҭақәа егьаџьара иҵәахызар ҟалап.
🧡 Ахьыуардын шәақәтәа
Ас иҟаз ауаҩы-ԥааимбар инарцәымҩа иқәлашьагьы џьашьатәуп:
Иҿҳәара шааигәахоз анидыр, саныԥсуа "Азар" сыцҳәа ҳәа длыҳәеит Омар Беигәаа иԥҳәыс а-Кәарҷиаԥҳа. Абри еибыҳәаны иҟан. Аҽны, аԥсеизгарахь деихошәа анылба, ашьшьыҳәа иаацәырылгеит. Еицырҳәо ишааиуаз иара иԥсы ихыҵит, лара даҟәымҵӡакәа аҵыхәтәанынӡа иналыгӡеит. Убас днаскьалгеит...
Ари аҭоурых гәырԥшаага еиҭалҳәон абызшәадырҩы Емма Кьылԥҳа
Ари аинетерс аҵоуп: "Азар" ажәа аџьам бызшәала иаанагоит "амца", уаанӡа ианаҳҵахьаз аԥсуа жәаԥҟак аҿы иаҳәоит абас "Абылра иалахаз аҽы Азар ҳәаны иалыргоит". Макьанагьы иаҳзымдыруаны аԥсшәа ашьаҭақәа егьаџьара иҵәахызар ҟалап.
Please open Telegram to view this post
VIEW IN TELEGRAM
Telegram
Ахьыуардын
"Аԥсабараҿ ашәҟәҩҩыра шалагаз аԥсыуаа рыла ауп. Аха уыи ҳаҭәаршьаом, ишҳатәарымшьао еиԥш ҳҭоурых дыу. Аԥсуа иҭоурых ҩӡам..."
Иналукааша аԥсуа ҵарауаҩ, апоет, ауаҩ дыр Омар Беигәаа иҳәамҭоуп ари. Аԥсуареи аԥсшәеи зыԥсы ақәҵаны бзиа збоз, уи абзиабара иацназгоз…

👍12❤7
"Иахьатәи амш, 27 ԥеруал, ҳара аԥсацәа ҳзы даара мыш дууп, ныҳәоуп, аныҳәақәа зегьы иреиҳауп: иахьа иҭыҵт иахьа уажәраанӡа аԥсышәала иҟамлаӡацыз аԥсуа газеҭ, "АԤСНЫ" ҳәа хьӡыс иаманы. Аԥсышәала аҩреи аԥхьареи ыҟаижьҭеи абар 60 шықәса ҵырц егьагым, аха аԥсышәала аԥсуа газеҭк иахьа уажәраанӡа иҟамлацызт, иҭымҵцызт, иахьа убри ҳаут.
Аԥсацәа ражәа иалоуп "Амш ҽа-ԥарак аҟара иазҳаит" ҳәа, убас ҳаргьы ҽа-ԥарак аҟара ҳаԥхьаҟа ҳаихеит иахьа. Шьҭа, Анцәа иҳәуазар, ҳмыӡыр ҟалап, ари аус ҳхы иаҳархәар. Шьҭа, аԥсацәа, лада шәыҟа, ҩада шәыҟа шәҽеидышәкыл ари АБЕИРАҞ аҵаҟа. Ари беираҟуп ҳара ҳзы".
Дырмит Гәлиа, Аҟәа, жәабран 27, 1919 шықәса
📰 Агазеҭ "Аԥсны" I аномер актәи адаҟьаҿы иану иааԥхьара аҟынтә
Аԥсуа милаҭ кьыԥхь 105 шықәса ахыҵра шәадныҳәалазааит хатәы бызшәала иҩуа, иаԥхьо зегьы! Аԥсны аҭоурых азы акырӡа зҵазкуа ари амш усҟангьы ҳажәлар имҩаԥыргоз амилаҭ-хақәиҭратә қәԥара иаанагеит (ашьҭахь ателехәаԥшреи ауниверситети раартра шыҟалаз аиԥш), Кьаразаа раамҭа иалиааит. Ҳаԥсадгьыл анаҟәеиԥш ақырҭуа меншевикцәа анахаԥаз аԥсуа газеҭ ацәырҵра — ҩынтә рыла иааира дуун ажәлар рзы.
Иԥшьоу аус алыршахеит Дырмит Гәлиа зхаҿы дгылаз аԥсуа интеллигенциа гәыԥҩык рыбзоурала. Сынтәа зиубилеи азгәаҳҭо ҳарккаҩ дуӡӡа ари ахҭыс шаҟа деигәырӷьаз ҳбоит, изакә ҭакԥхықәроу дызҵагылаз бзиаӡаны еиликаауан: "Дадраа аԥсацәа, ижәдыруазааит ожәшьҭа ҳабызшәа-мырӡга акьыԥхь аархарҭа атипографиа шҳамоу... ҳагәҭыхақәеи ҳаграқәеи, иҳагуи-иҳабзоуи ахьеибаҳҳәаша, ҳаидызкылаша, ҳаԥхьҟа ҳазгаша агазеҭ "Аԥсны".
Иахьа, шәышықәса рнаҩс, аинформациа узҭо ахыҵхырҭақәа шырацәоугьы агазеҭ "Аԥсны" иалкаау аҭыԥ амоуп, ишҭыҵыц иҭыҵуеит. Аредакциа аусура рҿыцуп, акьыԥхь инаваргыланы улаҿы иааиуа аелектронтә версиагьы ҳаԥхьартә иҟоуп. Аҭыжьымҭа аҭоурыхи иахьатәи амши еиҳа инарҭбааны ҳарзааҭгылеит абра>>

❤16👍9🥰3
• Ашәа бзиа ахәра арӷьоит.
• Ашәа аицҳәара хаауп, аиццәажәара гьамадоуп.
• Аԥхьарца абжьы гәырҩа рҭынчгоуп.
• Ашәа иаԥсҭазаашьоу абжьы ианыҩуеит.
• Ашәа шә-аџьалк урыхнарԥоит.
• Зашхәа уҭоу иашәа ҳәа.
• Узлоу ажәлар рашәа ҳәа.
• Ажәеиԥшьаа рашәа анҳәатәу ауп ианырҳәо.
• Ашәарыцаҩ ԥыхьашәа аниуолак Ажәеиԥшьаа рашәа иҳәоит.
• Доус иашәа ӷарыӷаҭәа ҿырпынбжьушәа иаҳауеит.
• Ашәа сыцызҳәо дыҟазар, ахапа цәырызгон.
• Ахәрашәа еиҭоугар — уарӷьаӡом (Белла Барцыц).
#ажәаԥҟақәа
Please open Telegram to view this post
VIEW IN TELEGRAM
👍15❤8
📌 Ажәа бзиоуп
Аҿаблакьаҭа́н (время появления молодых побегов весной)
☘️ Ааԥын уажәааны апатҟәыр рыгәқәа шәыгәӡа ирҭәны ианааиҟәшәо, абӷьы ԥшқа, амаҵә андәықәло абжьыуаа абасгьы иазырҳәоит, ҳара иаҳԥылеит Владимир Касланӡиа еиқәиршәаз аԥсуа-аурыс жәар аҿы. Ари ажәа икьаҿу аформа ҳазҭалаз амза ахьӡқәагьы ируакуп:
• Ҿабла́н,
• Хәажәкы́н,
• Кфаҭ // Хфаҭ,
• Аиҭа́рымза,
• Аԥша́мза
Актәи, ахәбатәи ахьӡқәа аԥсабара ацәырҵрақәа ирхылҿиааит, агәҭантәиқәа — аныҳәара.
Март мза алеишәа цәгьоуп, "ихагоуп" рҳәоит, илаша-ҩашоит, еилашәа-еилыҵуеит, иҵшәаауеит, иалоу ԥнашәоит. Аҳәса рҟазшьа адкылара — ааскьатәи цәырҵразар ҟалап, Март ааба аныррала иҟалаз. Шәара шәгы ишԥаанаго?😊
#ажәа_бзиоуп
🧡 Ахьыуардын шәақәтәа
Аҿаблакьаҭа́н (время появления молодых побегов весной)
• Ҿабла́н,
• Хәажәкы́н,
• Кфаҭ // Хфаҭ,
• Аиҭа́рымза,
• Аԥша́мза
Актәи, ахәбатәи ахьӡқәа аԥсабара ацәырҵрақәа ирхылҿиааит, агәҭантәиқәа — аныҳәара.
Март мза алеишәа цәгьоуп, "ихагоуп" рҳәоит, илаша-ҩашоит, еилашәа-еилыҵуеит, иҵшәаауеит, иалоу ԥнашәоит. Аҳәса рҟазшьа адкылара — ааскьатәи цәырҵразар ҟалап, Март ааба аныррала иҟалаз. Шәара шәгы ишԥаанаго?
#ажәа_бзиоуп
Please open Telegram to view this post
VIEW IN TELEGRAM
❤17👍6🤗2
Ахьыуардын
Жәабран 25 — аԥсуа ҵарауаҩ ду, ашәҟәыҩҩы Омар Беигәаа (1901 - 2001) наунагӡа илацәа анеиқәиԥсаз амш ауп, иԥсаҭа лашазааит. Аԥсуа қәра ззырҳәо неигеит, иԥсы ахьынӡаҭаз ижәлар рҭоурых аҭҵаара дашьҭан, аԥсшәеи аԥсуареи ауаҩытәыҩсатә цивилизациа ахы шакыз уеилзыркаауа…
Ҭырқәтәыла инхо аԥсуаа "ашәа" еиҳарак "Азар" ҳәоуп ишашьҭоу, ари ажәа азеиԥш ҵакы шьҭнахит ражәаҳәаҿы. Аӡәы изы "ашәақәа идыруеит" рҳәарц анырҭаху, "уи азарқәа идыруеит" рҳәоит. Ажәлар ирхыргаз ахҵәареи, агәаҟрақәеи, аибашьрақәеи ус ишьақәдыргылеит ҳәа агәаанагара ыҟоуп.
Адиаспора рыԥсҭазаара иаҵубаауеит аԥсуаа рашәаҳәаратә, рыкәашаратә культура иацыз алахҿыхра, агәырӷьара иара убас ауаз, ахьаа. Даԥсыуаны ашәак зымҳәацкәа изырхәлахьадаз ҳәа ражәа иалоуп иахьагьы.
Ашәа ԥсҿыхган есымша аԥсуаа рзы цәгьароума, бзиароума — зегьы рҿы. Ауаҩы ашәада дызнымхозшәа угәы иабоит аҭоурых уагәылаԥшыр. Дызҿызаалак, иахьакәзаалак ашәа ицын, анхара-анҵыраҿы, аибашьраҿы, агәырӷьараҿы, ачараҿы, аԥсраҿы, аиныхраҿы. Ҳашьцәа азахәцәа рҿгьы ус ауп.
Аԥсуа-аедыгь жәларқәа ҿырҳәалатәи рҟазара зқьышықәсала иҿион, иазҳауан, даара иҵаулоу, ганрацәала еилоу ҟазароуп. Аԥсуа-аедыгьаа ркультура акыр еизааигәан, аиԥшрагьы рацәаны ирыман XIX ашәышықәса азбжанӡа, атәым дгьыл ахь иахнагаанӡа. Атәым ҳәынҭқаррақәа рахь иахьагаз зегь раасҭа ирацәаҩны иахьеиланхо Ҭырқәтәылан уаҩы иааџьеишьартә еиԥш еиқәдырхеит ркультура, рашәаҳәаратә ҟазарагьы налаҵаны.
Ахыҵхырҭа: Нонна Ҭхәазԥҳа лыстатиа>>
Абыкь иазку анҵамҭа шәаԥхьар шәылшоит абра>>

👍18❤7
This media is not supported in your browser
VIEW IN TELEGRAM
Аԥсны анҭыҵ аиааира ганы иаауа арахь лымкаала бзиа дырбоит иҳәон Ибрагим Ҷкадуа Sputnik иаиҭаз аинтервиу аҿы, уи арҿиара иадкыланы акәын, аха ииҳәаз ахаҭа шԥаиашоу! Ԥсуа зхылаҳәоу дарбанзаалак ҳтәыла анҭыҵ аиааира иганы даныҟала, уи Аԥсназы қәҿиара дууп, ихьӡуп. Аиааира акәал иҭагыланы иааиуа абоксиор Харитон Агрба даара ҳаиргәырӷьеит иахьа! Еиҳау аихьӡарақәа изыԥшызааит! Анцәа аманшәалара ианеишьааит!
Авидео ©️ Инар Гыцба
🧡 Ахьыуардын шәақәтәа
Авидео ©️ Инар Гыцба
Please open Telegram to view this post
VIEW IN TELEGRAM
👍25❤6🔥2
Абызԥҽыгас ибзиоуп ✅
Гәымԥсы иалало арҩашқәа рыхьӡқәа:
• Лықым
• Лыцәым
• Ахаҭа
• Чамҳагәара
• Кәат-кәат
• Барцәыш
• Цәмыр
• Ӡыхәа
• Ҭамаа рҟәаш
• Албақь
• Чаама
• Ҽха
• Ашамгәара
Гәым(ԥ)сы́ (Восточная Гумиста) хьӡы змоу измами арҩашқәеи аӡқәеи рацәаны иалалоит, Мцра ашьха иҭоу аӡиа иацрыҵуеит, Ӡиҵырха ианлеилак Гәымрыԥшьи иареи еилалоит. Гәымры́ԥшь (Западная Гумиста), даҽакала Гьынрыԥшь ҳәагьы иашьҭоуп — акыр иаууп, уигьы аӡымахәҭақәа амоуп, ахьӡ аауеит Гәымрыԥшь ашьха аҟынтә.
Гәымсҭа — Аԥсны иреиҳаӡоу аӡиасқәа хәба ируакуп (Егры, Кәыдры, Гәымсҭа, Бзыԥ, Ԥсоу).
Ахыҵхырҭа: Таҷ Гыцба "Аԥсуаа рышьхахьыӡқәеи рышьхацамҩақәеи", 2002

👍18❤5🤗4
Акыр иаԥсоу анацәа, андуцәа, аеҳәшьцәа, аԥҳацәа, аҭыԥҳацәа! Шәаланыҳәазааит иахьа ааԥнымшха адунеи аҿы иазгәарҭо аныҳәа ԥшӡа — Аҳәса рымш! Аԥсҭазаара ахаара-бзаарас иаҵоу шыхәҭа алашазааит, ишәзыраҳаҭхааит, агәабзиара-агәыцқьара шәымаз хаҭала, ҭаацәала! Шәзыргәырӷьо рацәазааит, зегь рыла шәызҩыдазааит, хьаак шәаргәамҵуазар агәшәа азыԥшаахааит. Ари анҵамҭа шәара ишәызкуп:
🌷 Аԥшӡареи аԥҳәысреи ирыхҳәаау аԥсуа жәаԥҟақәа
• Аԥшӡара – шәыруп, адырра – дацуп.
• Аԥшра аҵкыс агәаҭа хаа.
• Аӡӷаб лыҩнаҭаҿы дсасуп.
• Аӡӷаб дымбакәа дырҳәом.
• Ан лкәал аԥҳагьы ишьҭылхуеит.
• Аԥҳәысра бшахьӡарыз, аӡӷабра быгымхондаз.
• Ахаҵа ичҳара учҳарахааит, аԥҳәыс лыгәаӷьра угәаӷьрахааит.
• Аԥҳәыс бзиа лхаҵа мҩаныфа иҭахӡам.
• Аԥҳәыс барақьаҭ дызмоу ааҵра дтәазаргьы мла дакуам.
• Аԥҳәыс бзиа дызмоу аҵла амԥан дтәазаргьы егьихьуам.
• Аԥҳәыс аԥхашьара дабжьароуп.
• Аԥҳәыс ала дафом.
• Ар ахьқәылогьы аԥҳәыс дыршьуам.
• Ахаҵа иҩызцәа рзы дҭахоит, аԥҳәыс – бзиа илбо ахаҵа изы.
• Ахаҵа ҳәа рҳәоит, ахаҵамԥҳәыс ҳәагьы рҳәоит.
#ажәаԥҟақәа
🧡 Ахьыуардын шәақәтәа
• Аԥшӡара – шәыруп, адырра – дацуп.
• Аԥшра аҵкыс агәаҭа хаа.
• Аӡӷаб лыҩнаҭаҿы дсасуп.
• Аӡӷаб дымбакәа дырҳәом.
• Ан лкәал аԥҳагьы ишьҭылхуеит.
• Аԥҳәысра бшахьӡарыз, аӡӷабра быгымхондаз.
• Ахаҵа ичҳара учҳарахааит, аԥҳәыс лыгәаӷьра угәаӷьрахааит.
• Аԥҳәыс бзиа лхаҵа мҩаныфа иҭахӡам.
• Аԥҳәыс барақьаҭ дызмоу ааҵра дтәазаргьы мла дакуам.
• Аԥҳәыс бзиа дызмоу аҵла амԥан дтәазаргьы егьихьуам.
• Аԥҳәыс аԥхашьара дабжьароуп.
• Аԥҳәыс ала дафом.
• Ар ахьқәылогьы аԥҳәыс дыршьуам.
• Ахаҵа иҩызцәа рзы дҭахоит, аԥҳәыс – бзиа илбо ахаҵа изы.
• Ахаҵа ҳәа рҳәоит, ахаҵамԥҳәыс ҳәагьы рҳәоит.
#ажәаԥҟақәа
Please open Telegram to view this post
VIEW IN TELEGRAM
👍18❤9
Угәы дыҭҵәом ааигәа ҳзыршанхаз амодель Викториа Кәыҵниаԥҳа! Дыԥшӡоуп, дхаауп, даԥсышәоуп, дгәеилгоуп. Лаԥсуара дагәылҷҷаауеит. Лықәгылара збаз еигәырӷьеит жәлара, аха данцәажәа – зынӡа амреиԥш длашеит, ашәҟәеиԥш даатит. Аԥсуа ааӡара иахьагьы-уаҵәгьы уахьыҟазаалак иумыхәозар, ишуԥырхагам лыршаҳаҭит, аԥхьаӡа иргыланы, илҿыԥшырц зҭаххо аҿар рзы. Ари анҵамҭа лара илыхҳәаазааит:
👥 Асинонимқәа
Аԥшӡа,
Аблахкыга,
Аинаала,
Аиҿкаа,
Ашаша,
Агәкы-ԥшӡа,
Ассир,
Анцәахша,
Алакшәы́шә,
Ахрыҩшәа́
🔸Ахаацәа зхьыкәкәо
Шәаргьы иацышәҵа 🤗
#асинонимқәа
🧡 Ахьыуардын шәақәтәа
👥 Асинонимқәа
Аԥшӡа,
Аблахкыга,
Аинаала,
Аиҿкаа,
Ашаша,
Агәкы-ԥшӡа,
Ассир,
Анцәахша,
Алакшәы́шә,
Ахрыҩшәа́
🔸Ахаацәа зхьыкәкәо
Шәаргьы иацышәҵа 🤗
#асинонимқәа
Please open Telegram to view this post
VIEW IN TELEGRAM
Sputnik Аҧсны
Амодель Кәыҵниаԥҳа еиҭалҳәеит лнапы злаку аус аҿы аԥсуара аԥхьа ишгылоу
Милантәи амода амчыбжь алыркит аԥснытәи амодель Викториа Кәыҵниаԥҳа. Амода иазҿлымҳау аҭыԥҳацәа зеиԥхыӡуа ахҭыс аԥсуа ӡӷаб лзы алшара ҿыцқәа аанартуеит. Апрофессионалтә кәашаҩы амодельтә ус дшазнеиз, раԥхьатәи лықәгыларақәеи, Милантәи...
👍24❤7🔥3
Ауаҩықәра ԥшӡа аазго, аԥсуа даԥсыуаны дҟазҵо зегьы ахьеиқәхаз аҩнаҭаҿы ииз иналукааша абызшәадырҩы, аҵарауаҩ нага, академик Шоҭа Арсҭаа иахьа 95 шықәса ихыҵит.
Аԥсны аҭҵаарадыррақәа ракадемиа раԥхьатәи ахада, "Ахьӡ-аԥша" аорден I аҩаӡара занашьоу Шоҭа Ҟасҭеи-иԥа аԥсуа-адыга бызшәадырраҿы зааԥсара ӷәӷәаӡоу аҵарауаа хатәрақәа дреиуоуп. Кавказҭҵаара знапы алаку, иалазкрангьы иҟоу иара иусумҭақәа, илагала ду иазхьамԥшыр залшом.
Хықәкыла иԥсҭазаара ззикыз аԥсуа грамматика аҭҵаара аганахьала иаԥиҵеит аусумҭа шьахәқәа, шьаҭанкыла иҭҵааны иҳаиҭеит аԥсшәа асинтаксис – иуадаҩӡоу атеориатә зҵаарақәа ахьеиларсу ахәҭа.
Арҵаҩраҿгьы иџьабаақәа рацәоуп, 50 шықәса инареиҳаны астудентцәа алекциақәа дырзаԥхьон: афонетика, афонологиа, аморфологиа, асинтаксис акурсқәа. Иабиԥара иааҵагылаз, иахьа иҟоугьы иҟамгьы афилологцәа аӡәырҩы, ианмаҷыз ргәырцҟәыл гәаҭаны, имҵәыжәҩа иҵакны ииааӡақәаз роуп. Шәҟәышьҭаҵарҭа дуӡӡак иагәыдымӡало адырра ҵаула змоу, ухшыҩ аус азыруа ацәажәашьа, алаф бзиа зҿоу, ԥсыуала узырхәыцуа, изыӡырҩра, ихаанхара насыԥуп.
Шоҭа Ҟасҭеи-иԥа ажәлар деицырдыруеит зыламыс аӡыхьеиԥш цқьоу, еицакра зқәым заԥсуара бзиа избо, инагӡаны издыруа, инагӡаны иныҟәызго ҵеи иашаны. Аринахысгьы Ҳазшаз иахьынӡаиаҭәеишьаз гәабзиарала, гәыцқьарыла инеигааит, Аԥсынра даԥхамзааит!

👍22❤6
Аԥсуа литература ашедеврқәа ируаку Баграт Шьынқәба иажәеинраалоу ироман "Ахра ашәа" аидеиа ахы ыҵнахит Уаҭҳара, ажәабжьҳәаҩ ду, аԥхьарцарҳәаҩы Ҟасҭеи Арсҭаа ихәышҭаараҿы. Иара дихаанын, хаҭалагьы изныкымкәа дибахьан аҩымҭа зхаҿсахьа агәылоу жәлар рфырхаҵа Ҳаџьараҭ Кьахьба.
1948 шықәсазы ҭагалан аҿаԥыц рҿиамҭақәа еидызкылоз Шьынқәбеи Инал-иԥеи Ҟасҭеи Арсҭаа иҭан, абраҟа ицәырҵит ахақәиҭра азықәԥаҩ иҭыӡшәа, иҭоурых. Аҟәантә иааз аҵарауаа Ҳаџьараҭ "иҭыԥқәа" ддырбеит, иҽахьыԥхьаикуаз аҳаԥы, "Ахра иалиааз ахра дахаҵахәуп" ҳәа аҭахара ахьиқәшәазгьы уҳәа.
"Уи ауха Арсҭаа Ҟасҭеи иҩнаҭаҿы ауп раԥхьаӡа ашәҟәы иахьанысҵаз Кьахь Ҳаџьараҭ ихҳәаау жәлар рпоемеи афырхаҵа иан лмыткәмеи. Абри ауха инаркны ешыратәи анхаҩы ҷкәын ихаҿсахьа ҭаха снамҭо салагеит", — ҳаԥхьоит ашәҟәыҩҩы игәалашәарақәа рҿы.
Ароман жәашықәса иҩуан, хаз шәҟәны иҭыҵит 1965 шықәсазы, ҳаԥхьаҟа 60 шықәса ахыҵуеит.
🧡 Ахьыуардын шәақәтәа
1948 шықәсазы ҭагалан аҿаԥыц рҿиамҭақәа еидызкылоз Шьынқәбеи Инал-иԥеи Ҟасҭеи Арсҭаа иҭан, абраҟа ицәырҵит ахақәиҭра азықәԥаҩ иҭыӡшәа, иҭоурых. Аҟәантә иааз аҵарауаа Ҳаџьараҭ "иҭыԥқәа" ддырбеит, иҽахьыԥхьаикуаз аҳаԥы, "Ахра иалиааз ахра дахаҵахәуп" ҳәа аҭахара ахьиқәшәазгьы уҳәа.
"Уи ауха Арсҭаа Ҟасҭеи иҩнаҭаҿы ауп раԥхьаӡа ашәҟәы иахьанысҵаз Кьахь Ҳаџьараҭ ихҳәаау жәлар рпоемеи афырхаҵа иан лмыткәмеи. Абри ауха инаркны ешыратәи анхаҩы ҷкәын ихаҿсахьа ҭаха снамҭо салагеит", — ҳаԥхьоит ашәҟәыҩҩы игәалашәарақәа рҿы.
Ароман жәашықәса иҩуан, хаз шәҟәны иҭыҵит 1965 шықәсазы, ҳаԥхьаҟа 60 шықәса ахыҵуеит.
Please open Telegram to view this post
VIEW IN TELEGRAM
👍18
Апоет диуеит, аха дыԥсӡом. Зашәақәа узымшьуа Таиф Аџьба иахьа 85 шықәса ихыҵит. Ҳаԥсшәа ԥшӡа адунеи ақәлара иаԥсан мышкызны иара иажәеинраалақәа алаиҩырц азыҳәан мацарагьы. Анцәа абаҩхатәра лыԥшаах злеиҵаз ауаҩы, арҿиаҩы. Ухы ианаушьаша иреиӷьу разҟуп — иԥхьара.
***
Исзыԥшыхын ҵыси ҳәыҳәи
Еизаны,
Ашәа сҳәахуан ԥхыӡла сыблақәа
Хҩаны:
"Абри ақәацә хәыҷ са сзыҩнымҵуа,
Анцәа сҟаҵа!
Игәыҟаҵаган сашәа ԥымҵәо,
Анцәа сҟаҵа!
Сыҩны хьшәашәаз, иҟаз сашәа
Цаҳәцаҳәо!
Шәхаҵкы сцааит сара сашәа
Згәаԥхақәо!
Илашьцахааит са сыԥсҭазаарагь
Зынӡа –
Убри акәзар ашәа зхылҵуа
Илашаӡа!.."
Шьоук ааскьахуан рцәашьқәа шьҭыхны,
Са снаскьон –
Шьҭахьҟа сцахуан сара наҟ –
Сааԥшыр ҳәа сшәон.
Са саргәырӷьон, са сарҵәуахуан
Сыбжьы...
Инасыԥын са сызгәылаз
Уи ашәшьы...
🧡 Ахьыуардын шәақәтәа
***
Исзыԥшыхын ҵыси ҳәыҳәи
Еизаны,
Ашәа сҳәахуан ԥхыӡла сыблақәа
Хҩаны:
"Абри ақәацә хәыҷ са сзыҩнымҵуа,
Анцәа сҟаҵа!
Игәыҟаҵаган сашәа ԥымҵәо,
Анцәа сҟаҵа!
Сыҩны хьшәашәаз, иҟаз сашәа
Цаҳәцаҳәо!
Шәхаҵкы сцааит сара сашәа
Згәаԥхақәо!
Илашьцахааит са сыԥсҭазаарагь
Зынӡа –
Убри акәзар ашәа зхылҵуа
Илашаӡа!.."
Шьоук ааскьахуан рцәашьқәа шьҭыхны,
Са снаскьон –
Шьҭахьҟа сцахуан сара наҟ –
Сааԥшыр ҳәа сшәон.
Са саргәырӷьон, са сарҵәуахуан
Сыбжьы...
Инасыԥын са сызгәылаз
Уи ашәшьы...
Please open Telegram to view this post
VIEW IN TELEGRAM
🔥13❤7👍6❤🔥1
Ахьыуардын
Апоет диуеит, аха дыԥсӡом. Зашәақәа узымшьуа Таиф Аџьба иахьа 85 шықәса ихыҵит. Ҳаԥсшәа ԥшӡа адунеи ақәлара иаԥсан мышкызны иара иажәеинраалақәа алаиҩырц азыҳәан мацарагьы. Анцәа абаҩхатәра лыԥшаах злеиҵаз ауаҩы, арҿиаҩы. Ухы ианаушьаша иреиӷьу разҟуп — иԥхьара.…
Ашәҟәыҩҩы Даур Наҷҟьебиа Таиф Аџьба изкны:
▪️Дыԥшӡан уамак ала. Таиф ихы-иҿы иамаз акыҷырақәа ахаҵа аамсҭашәа ихаҿсахьа хадырҭәаауан. Ибла ӷрақәа ҭыԥхаауа, ашьабсҭеиԥш дҵаӷаӡа дыҟан. Иҭеиҭԥши ипоезиеи еиқәшәон. Аԥсуа дзеиԥшразар акәу, гәаҭалагьы, хымҩаԥгашьалагьы анаҳҳәо – убри Таиф Аџьба иоуп. Уи аԥсуа бырлаш дахаҿырбагоуп. Иҳаракӡоу аԥсуа культуратә хаҿуп.
▪️Таиф хәыцрак даман еснагь. Гәыҭыӷьӷьаала дыҟан, аха даартцәаӡамызт мыцхәы. Иара иҽеилаҳәашьагьы, иныҟәашьагьы, итәашьагьы асовет поет диеиԥшӡамызт шьаҭанкыла. Асовет поет апартиеи акоммунизми ажәеинраалақәа рзызыҩуаз иакәмызт, Таиф урҭ дреиуамызт...
▪️Таиф алаф бзианы иҳәон, иагьицааиуан. Иҩызцәа рыҟаҵашьақәа ҟаиҵон, аха иара даара дааӡан, аӡәгьы игәы нирхарц иҭахӡамызт. Агәаӷ имамызт аӡәгьы иахь. Зны-зынла деилашуан, иамхаҳәон аиаша.
▪️Таиф иԥсы анҭазгьы, даара иҳаракны ихә ршьон аԥхьаҩцәагьы акритикцәагьы. Апоетцәа рыбжьара акәзар, зегьы рҿы ирзамырҳәозаргьы, еилыркаауан дахьынӡаҟаз... Иара ихатә ҭыԥ аԥсуа поезиаҿы иааникылоит, ус аламалагьы акәӡам, даара иӷәӷәоу, зхатә ҷыдарақәа змоу, даҽаӡәы диламҩашьо.
▪️Имшынҵа документуп. Уи лахьынҵоуп. Ихы иадиҵеит документ ҳасабла аибашьра аҭоурых еиҭеиҳәарц, аха ишԥасылакьысри игәахәзаргьы ауеит. Даанхеит иара Аҟәа, дцар ауан аха. Убри амҩа данысырц иӡбеит. Ижәлар зҭагылоу ақьаад анҵара ҿаҭахьаны ихы иадиҵеит.
▪️Таиф ԥсыуала иааӡаз уаҩын. Ашьанҵа даҩызан, апринципра иман. Аӡәы ирҿиара дахцәажәозар, уаҵәҟьа аҳәашьа иԥшаауан, аха иара итәы иҳәон. Ҩбара илаӡамызт џьаргьы...
Елеонора Коӷониаԥҳа ианылҵаз Даур Наҷҟьебиа инарҭбаау иҿцәажәара шәаԥхьар шәылшоит абра>>

"Аԥсуа бырлаш дахаҿырбагоуп": Даур Наҷҟьебиа Таиф Аџьба изку иҿцәажәара
Хәажәкыра 11 рзы иирамшуп иналукааша аԥсуа поет, ауаажәларратә усзуҩ, Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьраан ҳаӷацәа хабарда ибжьадырӡыз Таиф Аџьба. Sputnik аколумнист Елеонора Коӷониаԥҳа апоет изылкыз ланҵамҭақәа ирыцҵо, иахьа иҳадылгалоит...
❤🔥12👍9❤5
Ицқьоуп, иласуп, иҵаулоуп, исахьаркуп аԥсуа литература ашаеҵәа Иуа Коӷониа ипоезиа. Ажәлар рзы дҵеи лашаны диит унеишь-уааишь ҳәа зарҳәоз ахаҵа шьахә, аҽыбӷаҟаза ду Абас Коӷониа иҩнаҭаҿы абри аҽны 120 шықәса раԥхьа.
Дыҷкәынаны аԥсуа сахьажәа еиҳау аҩаӡарахь ихазгалаз, хәыҷгьы-дугьы бзиа ирбо, ухы-угәы иҭымҵуа арҿиамҭақәа ҳзынзыжьыз. "Ианысымҵар, измыҩыр ирхашҭуеит жәлара" ҳәа ажәытә жәабжьқәа, аҳәамҭақәа иаҳаз ырсаны, баҩхатәра ссирла аԥсы рхазҵаз.
Аԥсуа жәлар икалам иаҵашәҭыз апоемақәа иаразнакала ишьҭырԥааит, рҭоурых, рлеишәа, рҵас-қьабз аҷыдарақәа ӡырызгоз ракәны, насгьы изакәытә ԥсабараз иааирԥшуаз, ажәа еинраалала ихырҷаны, изаҳауаз зегьы иџьаршьо-илакәыршьо аҟынӡа.
Алирика угозаргьы, Иуа иҳәоу артәашьа, игәаартышьа ухнахуеит, знык уаниԥхьалак гәыцхәык иеиԥш дузааигәахоит, угәы изыбылуеит. Ирацәоуп иара иҿы ада уаҳа ҽаӡәы иҿы иуԥымло ажәа ссирқәа.
Иуа ипоезиа аҩыза уажәшьҭа изиӡом, уи еиԥш аԥсышәа шьҭа иҟаӡам азы, кьыс змамыз, тәым бызшәа ныррак змауцыз аԥсуа хәыцшьа, аԥсуа дунеихәаԥшра еибгала. Уи азынгьы наунагӡа дҿырԥшыганы, дҳаракӡаны даанхоит иара. Уи азоуп ирҿиара иԥшьоу акеиԥш изазыҟоу атәы еилызкаауа аԥхьаҩцәа реиԥш, ишьҭанеицәа хатәрақәагьы. Баграт Шьынқәба 16 шықәса ракәын ихыҵуаз абарҭ ацәаҳәақәа аниҩуаз:
«Ҳгәыла исеиҳәон: – Дад, уаҳҭаа,
Дад, уаҳзаԥхьап "Абаҭаа",
"Хмыҷ шәарыцаҩ ныҟәаҩы",
Иаднагалоит аӡәырҩы».
Ахаҿы аагара уадаҩуп иҵегь шаҟа ирбеиарыз ҳкультура, абасҵәҟьа заа иаџьал ихымццакызҭгьы. Даара ихьаауп Москваҟа данцоз ишьҭихыз инапҩымҭақәеи, уа дыҟанаҵ иаԥиҵазгьы ахьеиқәымхаз. Алахьынҵа... "даара бзиа ирӷәӷәа ддәықәлеит", аха уи дзахымԥагәышьеит. Дзыхьӡаз шьаҭамырӡганы ари адунеи иазынхеит.

👍17❤🔥5❤4
Ахьыуардын
Ицқьоуп, иласуп, иҵаулоуп, исахьаркуп аԥсуа литература ашаеҵәа Иуа Коӷониа ипоезиа. Ажәлар рзы дҵеи лашаны диит унеишь-уааишь ҳәа зарҳәоз ахаҵа шьахә, аҽыбӷаҟаза ду Абас Коӷониа иҩнаҭаҿы абри аҽны 120 шықәса раԥхьа. Дыҷкәынаны аԥсуа сахьажәа еиҳау аҩаӡарахь…
Аԥсуа поезиа аклассик, хратәыла азышәаҳәаҩ Иуа Коӷониа изы ашәҟәыҩҩцәа ирҳәахьоу, ирыҩхьоу аҟынтә:
⭐️
"Адунеитә поезиаҟны имаҷӡоуп, ҩыџьа-хҩы роуп Иуа иқәра иҭагыланы илшаз зылшаз, зышьҭамҭа иахьагьы-уаҵәгьы апоезиаҟны иаанзыжьыз. Иара ҩ-жанрк рҟны аус иуан: алирика, аепос. Иуа аԥсуа поезиаҟны дцәырҵаанӡа, исахьаркны иуҳәозар, аԥсаатә шәаҳәаӡомызт, ажәҩан аеҵәақәа кыдмызт, иара ииҳәаз аӡәгьы имҳәацызт убас исахьаркны, хашҭра ақәымкәа".
Мушьни Лашәриа
⭐️
"Насыԥ дууп апоет иажәа ижәлар рҿы ианынхо, урҭ егьа аамҭа бааԥс иҭагыларгьы, егьа еибашьреи хҵәареи ирылаԥшыргьы, иҭахо ирыцҭахо, ииуа ирыциуа, рбызшәа иаланы, рқьышә иқәкны, уи ахаара иазгәыҳәуа, есымша ианрыцу, иаарцыршәар — иангәхьаарго, ианамыртәо, ианамырҭынчуа".
Анатоли Лагәлаа
🌟
"Издыруада, иужәша аӡыхьгьы,
Ахы ыҵнамхызар зынӡа…
Аха иаанхеит уажәа ӡыхьны,
Угәҭыха адгьыл иахьыгӡа…"
Борис Гәыргәлиа
✨
"Акыр шықәса уи дымцәажәо,
Аамҭа цазаргь иҭакәкәа –
Сыжәлар ирызгәакьоуп иашәа,
Иуа ргәаҵа дҭоуп дҭахәхәа!"
Шамил Ԥлиа
⭐️
"Иажәа рымҩахт иқәла-иуа,
Ирҩашгьы еилашуеит.
Храқәцәак дықәгыланы Иуа
Храцәқәак ахь дыԥшуеит!"
Рушьбеи Смыр

👍13❤5❤🔥4
Ахьыуардын
Ицқьоуп, иласуп, иҵаулоуп, исахьаркуп аԥсуа литература ашаеҵәа Иуа Коӷониа ипоезиа. Ажәлар рзы дҵеи лашаны диит унеишь-уааишь ҳәа зарҳәоз ахаҵа шьахә, аҽыбӷаҟаза ду Абас Коӷониа иҩнаҭаҿы абри аҽны 120 шықәса раԥхьа. Дыҷкәынаны аԥсуа сахьажәа еиҳау аҩаӡарахь…
This media is not supported in your browser
VIEW IN TELEGRAM
АӠЫН ҴЫХ
Иуа Коӷониа
Аҵых лашоуп зехьынџьара,
Аҵаара иаҿуп.
Ашьамх-сы ауын, ишкәакәаӡа
Уахьыԥшлак ишьҭоуп.
Аҵла дуқәа хытаруа
Ирықәжьуп иара,
Абна еиужь ду ӡса-ӡсо
Иашьыпит цәгьаӡа.
Ахыбрақәа ирықәҳаит
Еидгәыԥла асы,
Џьоукы-џьоукы ирықәырхуеит
Ҭәырӷәыла зегьы.
Ажәҩан ҵәцеит икаххаа,
Иубашам ԥсҭҳәакы.
Аха уи агәра мгакәа
Асы ақәырхуеит џьоукы.
Ас ду ҳзауеит ҳәа, сзызҵаауа,
Иаҿуп аҳәара.
Аӡын ду цәгьахоит ҳәа,
Ирҳәоит ауаақәа.
Аӡын ҵых цеицеиуа ишеилгоу
Иаршаӡоит зынӡа.
Аԥсҭҳәақәа еидгәыԥла зҽызӡаз
Избаӡом ааигәа.
1924, Аҟәа
📖
Ашьамх-сы́ — шьамхышәара илеиз асы,
Иашьы́пит — иара́беит, иҭанасит,
Ажәҩан ҵәцеит — небо стало звездным и ясным,
Абна бзарыбзаруа — лес переливается ярким цветом,
Аԥсаа шәаҳәацәа — певчие птицы

👍20❤10