Ахьыуардын
1.27K subscribers
1.38K photos
222 videos
1.66K links
Ахьыуардын — аԥсуа бызшәеи, аҭоурыхи, акультуреи ирызку апроект ҷыда. Напбзиа-шьапбзиа ахьыуардын дақәтәоуп. Шәҳацла: ахьы хәыҷуп, аха шәкы ицоит, аӡә дышәҩыкны дҳаԥхьаӡоит.
Download Telegram
"Гәлиа иахьа дыҟазҭгьы, зегь реиҳа игәы инархьрын аԥсуа бызшәа ҳшазыҟоу ибар. Иара еилкаауан ацивилизациа ааигәахацыԥхьаӡа ҳбызшәа ахьысҳара шазыԥшыз. Ҳмаҷра ибон. Дзыцәшәоз рацәан. Иахьа ҳара иҳамоуп аԥсуа школқәа, ажурналқәа, атеатрқәа, ателехәаԥшра, аха ухы иузанамыжьуа аҭагылазаашьаҿы ҳнеит. Аԥсуа бызшәала аус зуа, иззанааҭу зегьы Гәлиа иихәыцуаз жәа-процентк ҳхәыцуазҭгьы, абри аҩыза ҳахьӡомызт. Ҳхала, ҳнапала, ҳхы иагырханы иҟаҳҵаз маҷуп. Иаҳиааиуаз амчқәа рацәахеит. Сара хаҭала хықәкыс исымоу – атеатри акультуреи ирызкны иҟасҵо зегьы аԥсышәала иҟасҵарц сҭахуп. Абри мышкы-зны аӡәы ихәоит ҳәа сгәы иаанагоит…"Светлана Қәарсаииаԥҳа, Дырмит Гәлиа иҩны-амузеи аиҳабы

Иахьынтәаагоу астатиа аԥхьара>>

🧡 Ахьыуардын шәақәтәа
Please open Telegram to view this post
VIEW IN TELEGRAM
👍11💔3
Дырмит Гәлиа ихәыҷыхьӡ руа иарбан?
Anonymous Quiz
86%
Гач
4%
Лаган
10%
Ҷнагә
👍117
Абарҭ ажәаԥҟақәа Дырмит Гәлиа ихаан иит уҳәаратәы иҟоуп. Аԥсны хатәы бызшәала аҵаралашара аларҵәара анцоз.

Дырмит Гәлиа ихаҭа ааԥсарак ҟамҵакәа, ажәлар дрылсуа аҿаԥыцтә ҳәамҭақәа еидикылон. Шықәсырацәала даҿын ари аус бзиа ибаны, аҵак ду шамоу дырны. Раԥхьатәи ажәаԥҟақәа, ацуфарақәа, ажәарццакқәа, аҭәҳәақәа, ахьӡыртәрақәа, аҳәамҭақәа, ашәақәа ақьаад ианызҵаз, иагьҭзыжьыз иара иоуп. Иааидкыланы зқьы инареиҳауп.

Ибызшәа даара ицқьан, аԥсуаа еицырзеиԥшу, ладагьы-ҩадагьы еилыркааша аԥсышәала дыҩуан. Уанизыӡырҩуа иуаҳауеит ҳаамҭазы абжьыуатәи адиалект иацәыӡхьоу афарингалтә спирантқәа -х, -хә шиҳәоз, уимоу, ишәышәуа-ишышуа ацыбжьыҟақәагьы алаиршәуан.

Аԥсуа литература абду заатәи иажәеинраалақәа дышрыԥхьо ибжьы шәаҳар шәылшоит абра>>

🧡 Ахьыуардын шәақәтәа
Please open Telegram to view this post
VIEW IN TELEGRAM
👍17
"Иалкаау ҳаԥсуа баҩхатәрақәа аханатә дара рҭыԥ, рҭоурыхтә ҵакы рымоуп. Дырмит Гәлиа иакәзар, иаҳҳәап "Илиада" иацназго ак аԥуҵаргьы, иара иҭыԥ иҭыԥуп, иахьагьы-уаҵәгьы ԥсахра, еицакра ақәӡам. Убас, Баграт ду иакәзаргьы, ипоезиатә ҩымҭақәа, иҭоурыхтә роман "Ацынҵәарах" роума ҳпоезиеи ҳапрозеи рыҩаӡарақәа ирдыргоуп, убас иагьаанхоит, ҳлитературатә жанрқәа рыҿиара, реизҳазыӷьара иатәны. Егьыс, ҳәарас иаҭахузеи, иҟоуп дарбан рҿиаҩызаалак иаамҭа илнамыршо, илнаршо. Дырмит Гәлиа "Камаҷыҷ" анаԥиҵоз аамҭазы "Ацынҵәарах" узаԥҵомызт, Баграт ироман "Аҿатә уаа" аниуаз ашықәсқәа раан "Ахьтәы уасцәа" зцәырҵуамызт, Мушьни Лашәриа егьырҭ ипоемақәа "Аџьынџьи" Ашаеҵәеи" ракәзар, ацензуратә аамҭақәа рышьҭахь ҳаԥхьаҩ дыззыԥшыз ажәан, ус иагьыҟалеит".

✍🏻 Руслан Қапба, алитератураҭҵааҩ, акритик

Асахьаҿы: Дырмит Гәлиа, Иван Папасқьыр, Баграт Шьынқәба


🧡 Ахьыуардын шәақәтәа
Please open Telegram to view this post
VIEW IN TELEGRAM
16👍5
Асемит хылҵшьҭра зманы аԥсшәа иаднакылаз ахьӡқәа

Дауҭ ← Давид иахылҿиааит, аҵакы: "бзиа ирбо";
Алсабед ← Елизавета иахылҿиааит, "Анцәа инықәра";
Ефрем — "аҿиара змоу", ԥсахрада иалалеит;
Иақәыԥ ← Иаков иахылҿиааит, "ашьхәа" мамзаргьы "зышьҭа нзыжьуа";
Иуа / Иуана / Уанчка ← Иван* иашьашәалоуп, "Анцәа иҳамҭа";
Иасыф ← Иосиф иахылҿиааит, "аизҳара, аинҭәылара";
Миха / Махьал ← Михаил иахылҿиааит, "Анцәа иеиԥшу";
Самсон — "имратәу";
Сусанна — "аӡышәҭ" (лилия), ԥсахрада иалалеит;
Ҭамара — "финикиатәи апальма";
Фама ← Фома иахылҿиааит, "еициз руаӡәк";
Шәлиман / Салман / Салуман ← Соломон иахылҿиааит, "анаалара злоу".

* Йоханаан (древнеевр.) ахьӡ еиуеиԥшым ажәларқәа ирыдыркылеит, дара иртәны иҟалеит, рбызшәақәа рҿы ишьақәгылт: абырзенцәа рҿы Иоанн, аԥсуаа — Иуана, аурысқәа — Иван, анемеццәа — Иоганн, афранцызцәа — Жан // Жанна, англызцәа — Џьон, ақырҭқәа — Иване, аерманцәа — Ованес, аестонцәа — Иухан, аполиакцәа — Иан.

Ахыҵхырҭа: Валентина Амҷԥҳа "Аԥсуаа рантропониммиа азҵаатәқәа"

#ахьӡқәа

🧡 Ахьыуардын шәақәтәа
Please open Telegram to view this post
VIEW IN TELEGRAM
👍1410
Светлана Қәарсаииаԥҳа — аҟазараҭҵааҩ, атеатрдырҩы, ажурналист, Аԥсны зҽаԥсазтәыз акультура аусзуҩ, Ахьӡ-Аԥша аорден III аҩаӡара занашьоу иахьа лықәраныҳәа ԥшӡа лыдызныҳәалаз ҳҽырԥаҳшьыр ҳҭахуп.

Светлана Винор-иԥҳа — ҳаамҭазтәи Аԥсны акультура зыда ухаҿы иузаамго, ҽаӡәы иламҩашьо зхатә стиль, зхатә гәаанагара змоу, уи аарԥшра иацәымшәо, иалкаатәу здыруа ауаажәлар дрыгәҭылсоуп. Лыԥсҭазаара зегьы аамысҭашәала, гьамала аԥсуа доуҳа амаҵ аура иазкуп.

ГИТИС атеатртә факультет аҟны аҵара лҵон, иара уа аспирантура далгеит, 1985 шықәсазы адиссертациа хьчаны Аԥсныҟа дааит. Аус луан Самсон Ҷанба ихьӡ зху Аԥсуа драматә театр аҟны (алитература аҟәша аиҳабыс), Акультура аминистрраҿы, ажурнал "Аԥсны аҟазара" аредакциаҿы.

Аԥсуа милаҭ ҟазара азыхандеицәа ирзылкхьеит 70 инареиҳаны астатиақәа, аҭҵаамҭақәа, афильмқәа. Хазы арадиожурналистикеи ателехәаԥшреи даара акыр дырзааԥсахьеит. Аԥсуа телехәаԥшра, анаҩс "Абаза-ТВ" аҿы акыршықәса инеиԥынкыланы иҭыҵуан авторс дызмоу, ахаара зҵоу адырраҭарақәа хкы-хкыла.

2015 шықәса инаркны Дырмит Гәлиа иҩны-музеи адиректор, ихьӡ акамыршәразы хьаҳәа-ԥаҳәада, иаҭахызаргьы — хьаҵрада аџьабаа збо драԥхьагылоуп. Згәы былуа, иҵаулоу, лхы наудкыланы ихәшәу абжьагажәа узҭар зылшо, есааира зныҟәашәа зырццакуа ҳаамҭа иацназго напхгаҩуп. Агәабзиара, агәамч, аԥсынҵра ду лзеиӷьаҳшьоит. Ҽаанбзиала днеилааит! ❤️

🧡 Ахьыуардын шәақәтәа
Please open Telegram to view this post
VIEW IN TELEGRAM
👍158
Ааԥынкакаҷ, акәмаркакаҷ, аазынкакә, ашьынҵәҟлынҵә — абри зегь уажәааны абна цәаакырақәа рыбӷьыжә ихәыҵԥхаауа аҵиаахәшә, ашәҭ фҩы хаа "цикламен" ахьӡқәа роуп. Зынӡа 50 хкы ахьыҟоу Кавказ 10 хкык уԥылоит, ҳара ҳҿы изызҳауа ендемикқәоуп, рыҵхра ҟалаӡом, аныӡаара ашәарҭа иҭагылоуп.

Касланӡиа-Џьонуа ржәар аҿы абас еихшоуп:

Аазынка́кә
— цикламен,
А́аԥынкакаҷ — цикламен кавказский,
Ашьынҵәҟлы́нҵә, акәмаркака́ҷ — цикламен абхазский.

Алитератураҿы ҳазлаԥхьаз ала, ашьынҵәҟлынҵә ҳәа изышьҭоу ахкыцқьа ашәҭыцқәа бжеиҳан ашкәакәа ԥшшәы аархәоит, ҳара ҳҿы иуԥылақәо егьырҭ еилаԥсоуп, адәыкрынԥшшәи ацәаԥшьи рыбжьара иҟоуп.

Шәара ишԥарзышәҳәо арҭ ашәҭқәа? 🌸

🧡 Ахьыуардын шәақәтәа
Please open Telegram to view this post
VIEW IN TELEGRAM
Please open Telegram to view this post
VIEW IN TELEGRAM
👍137
Жәабран 25 — аԥсуа ҵарауаҩ ду, ашәҟәыҩҩы Омар Беигәаа (1901 - 2001) наунагӡа илацәа анеиқәиԥсаз амш ауп, иԥсаҭа лашазааит. Аԥсуа қәра ззырҳәо неигеит, иԥсы ахьынӡаҭаз ижәлар рҭоурых аҭҵаара дашьҭан, аԥсшәеи аԥсуареи ауаҩытәыҩсатә цивилизациа ахы шакыз уеилзыркаауа цаԥханы дрыхәаԥшуан. Аамҭақәа иргәылаԥшуаз, адырра ҷыда ззатуаз иакәын.

Ас иҟаз ауаҩы-ԥааимбар инарцәымҩа иқәлашьагьы џьашьатәуп:

Иҿҳәара шааигәахоз анидыр, саныԥсуа "Азар" сыцҳәа ҳәа длыҳәеит Омар Беигәаа иԥҳәыс а-Кәарҷиаԥҳа. Абри еибыҳәаны иҟан. Аҽны, аԥсеизгарахь деихошәа анылба, ашьшьыҳәа иаацәырылгеит. Еицырҳәо ишааиуаз иара иԥсы ихыҵит, лара даҟәымҵӡакәа аҵыхәтәанынӡа иналыгӡеит. Убас днаскьалгеит...

Ари аҭоурых гәырԥшаага еиҭалҳәон абызшәадырҩы Емма Кьылԥҳа

📖 Аза́р — аҿцәа рашәа, аԥсхәрақәа раан ирҳәон аҽырыҩра ианналагашаз.

🎼 "Аԥсуа жәлар рашәақәа 101" захьӡу Ковач ишәҟәаҿы "Азар" авариантқәа хԥа ааигоит.

Ари аинетерс аҵоуп: "Азар" ажәа аџьам бызшәала иаанагоит "амца", уаанӡа ианаҳҵахьаз аԥсуа жәаԥҟак аҿы иаҳәоит абас "Абылра иалахаз аҽы Азар ҳәаны иалыргоит". Макьанагьы иаҳзымдыруаны аԥсшәа ашьаҭақәа егьаџьара иҵәахызар ҟалап.

🧡 Ахьыуардын шәақәтәа
Please open Telegram to view this post
VIEW IN TELEGRAM
👍127
"Иахьатәи амш, 27 ԥеруал, ҳара аԥсацәа ҳзы даара мыш дууп, ныҳәоуп, аныҳәақәа зегьы иреиҳауп: иахьа иҭыҵт иахьа уажәраанӡа аԥсышәала иҟамлаӡацыз аԥсуа газеҭ, "АԤСНЫ" ҳәа хьӡыс иаманы. Аԥсышәала аҩреи аԥхьареи ыҟаижьҭеи абар 60 шықәса ҵырц егьагым, аха аԥсышәала аԥсуа газеҭк иахьа уажәраанӡа иҟамлацызт, иҭымҵцызт, иахьа убри ҳаут.

Аԥсацәа ражәа иалоуп "Амш ҽа-ԥарак аҟара иазҳаит" ҳәа, убас ҳаргьы ҽа-ԥарак аҟара ҳаԥхьаҟа ҳаихеит иахьа. Шьҭа, Анцәа иҳәуазар, ҳмыӡыр ҟалап, ари аус ҳхы иаҳархәар. Шьҭа, аԥсацәа, лада шәыҟа, ҩада шәыҟа шәҽеидышәкыл ари АБЕИРАҞ аҵаҟа. Ари беираҟуп ҳара ҳзы".


Дырмит Гәлиа, Аҟәа, жәабран 27, 1919 шықәса
📰 Агазеҭ "Аԥсны" I аномер актәи адаҟьаҿы иану иааԥхьара аҟынтә

Аԥсуа милаҭ кьыԥхь 105 шықәса ахыҵра шәадныҳәалазааит хатәы бызшәала иҩуа, иаԥхьо зегьы! Аԥсны аҭоурых азы акырӡа зҵазкуа ари амш усҟангьы ҳажәлар имҩаԥыргоз амилаҭ-хақәиҭратә қәԥара иаанагеит (ашьҭахь ателехәаԥшреи ауниверситети раартра шыҟалаз аиԥш), Кьаразаа раамҭа иалиааит. Ҳаԥсадгьыл анаҟәеиԥш ақырҭуа меншевикцәа анахаԥаз аԥсуа газеҭ ацәырҵра — ҩынтә рыла иааира дуун ажәлар рзы.

Иԥшьоу аус алыршахеит Дырмит Гәлиа зхаҿы дгылаз аԥсуа интеллигенциа гәыԥҩык рыбзоурала. Сынтәа зиубилеи азгәаҳҭо ҳарккаҩ дуӡӡа ари ахҭыс шаҟа деигәырӷьаз ҳбоит, изакә ҭакԥхықәроу дызҵагылаз бзиаӡаны еиликаауан: "Дадраа аԥсацәа, ижәдыруазааит ожәшьҭа ҳабызшәа-мырӡга акьыԥхь аархарҭа атипографиа шҳамоу... ҳагәҭыхақәеи ҳаграқәеи, иҳагуи-иҳабзоуи ахьеибаҳҳәаша, ҳаидызкылаша, ҳаԥхьҟа ҳазгаша агазеҭ "Аԥсны".

Иахьа, шәышықәса рнаҩс, аинформациа узҭо ахыҵхырҭақәа шырацәоугьы агазеҭ "Аԥсны" иалкаау аҭыԥ амоуп, ишҭыҵыц иҭыҵуеит. Аредакциа аусура рҿыцуп, акьыԥхь инаваргыланы улаҿы иааиуа аелектронтә версиагьы ҳаԥхьартә иҟоуп. Аҭыжьымҭа аҭоурыхи иахьатәи амши еиҳа инарҭбааны ҳарзааҭгылеит абра>>

🧡 Ахьыуардын шәақәтәа
Please open Telegram to view this post
VIEW IN TELEGRAM
16👍9🥰3
🎼 Ашәа иахҳәаау аԥсуа жәаԥҟақәа

• Ашәа бзиа ахәра арӷьоит.

• Ашәа аицҳәара хаауп, аиццәажәара гьамадоуп.

• Аԥхьарца абжьы гәырҩа рҭынчгоуп.

• Ашәа иаԥсҭазаашьоу абжьы ианыҩуеит.

• Ашәа шә-аџьалк урыхнарԥоит.

• Зашхәа уҭоу иашәа ҳәа.

• Узлоу ажәлар рашәа ҳәа.

• Ажәеиԥшьаа рашәа анҳәатәу ауп ианырҳәо.

• Ашәарыцаҩ ԥыхьашәа аниуолак Ажәеиԥшьаа рашәа иҳәоит.

• Доус иашәа ӷарыӷаҭәа ҿырпынбжьушәа иаҳауеит.

• Ашәа сыцызҳәо дыҟазар, ахапа цәырызгон.

• Ахәрашәа еиҭоугар — уарӷьаӡом (Белла Барцыц).

#ажәаԥҟақәа

🧡 Ахьыуардын шәақәтәа
Please open Telegram to view this post
VIEW IN TELEGRAM
👍158
📌 Ажәа бзиоуп

Аҿаблакьаҭа́н (время появления молодых побегов весной)

☘️Ааԥын уажәааны апатҟәыр рыгәқәа шәыгәӡа ирҭәны ианааиҟәшәо, абӷьы ԥшқа, амаҵә андәықәло абжьыуаа абасгьы иазырҳәоит, ҳара иаҳԥылеит Владимир Касланӡиа еиқәиршәаз аԥсуа-аурыс жәар аҿы. Ари ажәа икьаҿу аформа ҳазҭалаз амза ахьӡқәагьы ируакуп:

• Ҿабла́н,
• Хәажәкы́н,
• Кфаҭ // Хфаҭ,
• Аиҭа́рымза,
• Аԥша́мза


Актәи, ахәбатәи ахьӡқәа аԥсабара ацәырҵрақәа ирхылҿиааит, агәҭантәиқәа — аныҳәара.

Март мза алеишәа цәгьоуп, "ихагоуп" рҳәоит, илаша-ҩашоит, еилашәа-еилыҵуеит, иҵшәаауеит, иалоу ԥнашәоит. Аҳәса рҟазшьа адкылара — ааскьатәи цәырҵразар ҟалап, Март ааба аныррала иҟалаз. Шәара шәгы ишԥаанаго? 😊

#ажәа_бзиоуп

🧡 Ахьыуардын шәақәтәа
Please open Telegram to view this post
VIEW IN TELEGRAM
17👍6🤗2
Ахьыуардын
Жәабран 25 — аԥсуа ҵарауаҩ ду, ашәҟәыҩҩы Омар Беигәаа (1901 - 2001) наунагӡа илацәа анеиқәиԥсаз амш ауп, иԥсаҭа лашазааит. Аԥсуа қәра ззырҳәо неигеит, иԥсы ахьынӡаҭаз ижәлар рҭоурых аҭҵаара дашьҭан, аԥсшәеи аԥсуареи ауаҩытәыҩсатә цивилизациа ахы шакыз уеилзыркаауа…
Ҭырқәтәыла инхо аԥсуаа "ашәа" еиҳарак "Азар" ҳәоуп ишашьҭоу, ари ажәа азеиԥш ҵакы шьҭнахит ражәаҳәаҿы. Аӡәы изы "ашәақәа идыруеит" рҳәарц анырҭаху, "уи азарқәа идыруеит" рҳәоит. Ажәлар ирхыргаз ахҵәареи, агәаҟрақәеи, аибашьрақәеи ус ишьақәдыргылеит ҳәа агәаанагара ыҟоуп.

Адиаспора рыԥсҭазаара иаҵубаауеит аԥсуаа рашәаҳәаратә, рыкәашаратә культура иацыз алахҿыхра, агәырӷьара иара убас ауаз, ахьаа. Даԥсыуаны ашәак зымҳәацкәа изырхәлахьадаз ҳәа ражәа иалоуп иахьагьы.

Ашәа ԥсҿыхган есымша аԥсуаа рзы цәгьароума, бзиароума — зегьы рҿы. Ауаҩы ашәада дызнымхозшәа угәы иабоит аҭоурых уагәылаԥшыр. Дызҿызаалак, иахьакәзаалак ашәа ицын, анхара-анҵыраҿы, аибашьраҿы, агәырӷьараҿы, ачараҿы, аԥсраҿы, аиныхраҿы. Ҳашьцәа азахәцәа рҿгьы ус ауп.

Аԥсуа-аедыгь жәларқәа ҿырҳәалатәи рҟазара зқьышықәсала иҿион, иазҳауан, даара иҵаулоу, ганрацәала еилоу ҟазароуп. Аԥсуа-аедыгьаа ркультура акыр еизааигәан, аиԥшрагьы рацәаны ирыман XIX ашәышықәса азбжанӡа, атәым дгьыл ахь иахнагаанӡа. Атәым ҳәынҭқаррақәа рахь иахьагаз зегь раасҭа ирацәаҩны иахьеиланхо Ҭырқәтәылан уаҩы иааџьеишьартә еиԥш еиқәдырхеит ркультура, рашәаҳәаратә ҟазарагьы налаҵаны.

Ахыҵхырҭа: Нонна Ҭхәазԥҳа лыстатиа>>

Абыкь иазку анҵамҭа шәаԥхьар шәылшоит абра>>

🧡 Ахьыуардын шәақәтәа
Please open Telegram to view this post
VIEW IN TELEGRAM
👍187
This media is not supported in your browser
VIEW IN TELEGRAM
Аԥсны анҭыҵ аиааира ганы иаауа арахь лымкаала бзиа дырбоит иҳәон Ибрагим Ҷкадуа Sputnik иаиҭаз аинтервиу аҿы, уи арҿиара иадкыланы акәын, аха ииҳәаз ахаҭа шԥаиашоу! Ԥсуа зхылаҳәоу дарбанзаалак ҳтәыла анҭыҵ аиааира иганы даныҟала, уи Аԥсназы қәҿиара дууп, ихьӡуп. Аиааира акәал иҭагыланы иааиуа абоксиор Харитон Агрба даара ҳаиргәырӷьеит иахьа! Еиҳау аихьӡарақәа изыԥшызааит! Анцәа аманшәалара ианеишьааит!

Авидео ©️ Инар Гыцба


🧡 Ахьыуардын шәақәтәа
Please open Telegram to view this post
VIEW IN TELEGRAM
👍256🔥2
Абызԥҽыгас ибзиоуп

Гәымԥсы иалало арҩашқәа рыхьӡқәа:


• Лықым
• Лыцәым
• Ахаҭа
• Чамҳагәара
• Кәат-кәат
• Барцәыш
• Цәмыр
• Ӡыхәа
• Ҭамаа рҟәаш
• Албақь
• Чаама
• Ҽха
• Ашамгәара

Гәым(ԥ)сы́ (Восточная Гумиста) хьӡы змоу измами арҩашқәеи аӡқәеи рацәаны иалалоит, Мцра ашьха иҭоу аӡиа иацрыҵуеит, Ӡиҵырха ианлеилак Гәымрыԥшьи иареи еилалоит. Гәымры́ԥшь (Западная Гумиста), даҽакала Гьынрыԥшь ҳәагьы иашьҭоуп — акыр иаууп, уигьы аӡымахәҭақәа амоуп, ахьӡ аауеит Гәымрыԥшь ашьха аҟынтә.

Гәымсҭа — Аԥсны иреиҳаӡоу аӡиасқәа хәба ируакуп (Егры, Кәыдры, Гәымсҭа, Бзыԥ, Ԥсоу).

Ахыҵхырҭа: Таҷ Гыцба "Аԥсуаа рышьхахьыӡқәеи рышьхацамҩақәеи", 2002

🧡 Ахьыуардын шәақәтәа
Please open Telegram to view this post
VIEW IN TELEGRAM
👍185🤗4
Акыр иаԥсоу анацәа, андуцәа, аеҳәшьцәа, аԥҳацәа, аҭыԥҳацәа! Шәаланыҳәазааит иахьа ааԥнымшха адунеи аҿы иазгәарҭо аныҳәа ԥшӡа — Аҳәса рымш! Аԥсҭазаара ахаара-бзаарас иаҵоу шыхәҭа алашазааит, ишәзыраҳаҭхааит, агәабзиара-агәыцқьара шәымаз хаҭала, ҭаацәала! Шәзыргәырӷьо рацәазааит, зегь рыла шәызҩыдазааит, хьаак шәаргәамҵуазар агәшәа азыԥшаахааит. Ари анҵамҭа шәара ишәызкуп:

🌷Аԥшӡареи аԥҳәысреи ирыхҳәаау аԥсуа жәаԥҟақәа

• Аԥшӡара – шәыруп, адырра – дацуп.

• Аԥшра аҵкыс агәаҭа хаа.

• Аӡӷаб лыҩнаҭаҿы дсасуп.

• Аӡӷаб дымбакәа дырҳәом.

• Ан лкәал аԥҳагьы ишьҭылхуеит.

• Аԥҳәысра бшахьӡарыз, аӡӷабра быгымхондаз.

• Ахаҵа ичҳара учҳарахааит, аԥҳәыс лыгәаӷьра угәаӷьрахааит.

• Аԥҳәыс бзиа лхаҵа мҩаныфа иҭахӡам.

• Аԥҳәыс барақьаҭ дызмоу ааҵра дтәазаргьы мла дакуам.

• Аԥҳәыс бзиа дызмоу аҵла амԥан дтәазаргьы егьихьуам.

• Аԥҳәыс аԥхашьара дабжьароуп.

• Аԥҳәыс ала дафом.

• Ар ахьқәылогьы аԥҳәыс дыршьуам.

• Ахаҵа иҩызцәа рзы дҭахоит, аԥҳәыс – бзиа илбо ахаҵа изы.

• Ахаҵа ҳәа рҳәоит, ахаҵамԥҳәыс ҳәагьы рҳәоит.

#ажәаԥҟақәа

🧡 Ахьыуардын шәақәтәа
Please open Telegram to view this post
VIEW IN TELEGRAM
👍189
Угәы дыҭҵәом ааигәа ҳзыршанхаз амодель Викториа Кәыҵниаԥҳа! Дыԥшӡоуп, дхаауп, даԥсышәоуп, дгәеилгоуп. Лаԥсуара дагәылҷҷаауеит. Лықәгылара збаз еигәырӷьеит жәлара, аха данцәажәа – зынӡа амреиԥш длашеит, ашәҟәеиԥш даатит. Аԥсуа ааӡара иахьагьы-уаҵәгьы уахьыҟазаалак иумыхәозар, ишуԥырхагам лыршаҳаҭит, аԥхьаӡа иргыланы, илҿыԥшырц зҭаххо аҿар рзы. Ари анҵамҭа лара илыхҳәаазааит:

👥 Асинонимқәа


Аԥшӡа,
Аблахкыга,
Аинаала,
Аиҿкаа,
Ашаша,
Агәкы-ԥшӡа,
Ассир,
Анцәахша,
Алакшәы́шә,
Ахрыҩшәа́

🔸Ахаацәа зхьыкәкәо

Шәаргьы иацышәҵа 🤗

#асинонимқәа

🧡 Ахьыуардын шәақәтәа
Please open Telegram to view this post
VIEW IN TELEGRAM
👍247🔥3
Ауаҩықәра ԥшӡа аазго, аԥсуа даԥсыуаны дҟазҵо зегьы ахьеиқәхаз аҩнаҭаҿы ииз иналукааша абызшәадырҩы, аҵарауаҩ нага, академик Шоҭа Арсҭаа иахьа 95 шықәса ихыҵит.

Аԥсны аҭҵаарадыррақәа ракадемиа раԥхьатәи ахада, "Ахьӡ-аԥша" аорден I аҩаӡара занашьоу Шоҭа Ҟасҭеи-иԥа аԥсуа-адыга бызшәадырраҿы зааԥсара ӷәӷәаӡоу аҵарауаа хатәрақәа дреиуоуп. Кавказҭҵаара знапы алаку, иалазкрангьы иҟоу иара иусумҭақәа, илагала ду иазхьамԥшыр залшом.

Хықәкыла иԥсҭазаара ззикыз аԥсуа грамматика аҭҵаара аганахьала иаԥиҵеит аусумҭа шьахәқәа, шьаҭанкыла иҭҵааны иҳаиҭеит аԥсшәа асинтаксис – иуадаҩӡоу атеориатә зҵаарақәа ахьеиларсу ахәҭа.

Арҵаҩраҿгьы иџьабаақәа рацәоуп, 50 шықәса инареиҳаны астудентцәа алекциақәа дырзаԥхьон: афонетика, афонологиа, аморфологиа, асинтаксис акурсқәа. Иабиԥара иааҵагылаз, иахьа иҟоугьы иҟамгьы афилологцәа аӡәырҩы, ианмаҷыз ргәырцҟәыл гәаҭаны, имҵәыжәҩа иҵакны ииааӡақәаз роуп. Шәҟәышьҭаҵарҭа дуӡӡак иагәыдымӡало адырра ҵаула змоу, ухшыҩ аус азыруа ацәажәашьа, алаф бзиа зҿоу, ԥсыуала узырхәыцуа, изыӡырҩра, ихаанхара насыԥуп.

Шоҭа Ҟасҭеи-иԥа ажәлар деицырдыруеит зыламыс аӡыхьеиԥш цқьоу, еицакра зқәым заԥсуара бзиа избо, инагӡаны издыруа, инагӡаны иныҟәызго ҵеи иашаны. Аринахысгьы Ҳазшаз иахьынӡаиаҭәеишьаз гәабзиарала, гәыцқьарыла инеигааит, Аԥсынра даԥхамзааит!

🧡 Ахьыуардын шәақәтәа
Please open Telegram to view this post
VIEW IN TELEGRAM
👍226
Аԥсуа литература ашедеврқәа ируаку Баграт Шьынқәба иажәеинраалоу ироман "Ахра ашәа" аидеиа ахы ыҵнахит Уаҭҳара, ажәабжьҳәаҩ ду, аԥхьарцарҳәаҩы Ҟасҭеи Арсҭаа ихәышҭаараҿы. Иара дихаанын, хаҭалагьы изныкымкәа дибахьан аҩымҭа зхаҿсахьа агәылоу жәлар рфырхаҵа Ҳаџьараҭ Кьахьба.

1948 шықәсазы ҭагалан аҿаԥыц рҿиамҭақәа еидызкылоз Шьынқәбеи Инал-иԥеи Ҟасҭеи Арсҭаа иҭан, абраҟа ицәырҵит ахақәиҭра азықәԥаҩ иҭыӡшәа, иҭоурых. Аҟәантә иааз аҵарауаа Ҳаџьараҭ "иҭыԥқәа" ддырбеит, иҽахьыԥхьаикуаз аҳаԥы, "Ахра иалиааз ахра дахаҵахәуп" ҳәа аҭахара ахьиқәшәазгьы уҳәа.

"Уи ауха Арсҭаа Ҟасҭеи иҩнаҭаҿы ауп раԥхьаӡа ашәҟәы иахьанысҵаз Кьахь Ҳаџьараҭ ихҳәаау жәлар рпоемеи афырхаҵа иан лмыткәмеи. Абри ауха инаркны ешыратәи анхаҩы ҷкәын ихаҿсахьа ҭаха снамҭо салагеит", — ҳаԥхьоит ашәҟәыҩҩы игәалашәарақәа рҿы.

Ароман жәашықәса иҩуан, хаз шәҟәны иҭыҵит 1965 шықәсазы, ҳаԥхьаҟа 60 шықәса ахыҵуеит.

🧡 Ахьыуардын шәақәтәа
Please open Telegram to view this post
VIEW IN TELEGRAM
👍18
Апоет диуеит, аха дыԥсӡом. Зашәақәа узымшьуа Таиф Аџьба иахьа 85 шықәса ихыҵит. Ҳаԥсшәа ԥшӡа адунеи ақәлара иаԥсан мышкызны иара иажәеинраалақәа алаиҩырц азыҳәан мацарагьы. Анцәа абаҩхатәра лыԥшаах злеиҵаз ауаҩы, арҿиаҩы. Ухы ианаушьаша иреиӷьу разҟуп — иԥхьара.

***
Исзыԥшыхын ҵыси ҳәыҳәи
Еизаны,
Ашәа сҳәахуан ԥхыӡла сыблақәа
Хҩаны:

"Абри ақәацә хәыҷ са сзыҩнымҵуа,
Анцәа сҟаҵа!
Игәыҟаҵаган сашәа ԥымҵәо,
Анцәа сҟаҵа!

Сыҩны хьшәашәаз, иҟаз сашәа
Цаҳәцаҳәо!
Шәхаҵкы сцааит сара сашәа
Згәаԥхақәо!

Илашьцахааит са сыԥсҭазаарагь
Зынӡа –
Убри акәзар ашәа зхылҵуа
Илашаӡа!.."

Шьоук ааскьахуан рцәашьқәа шьҭыхны,
Са снаскьон –
Шьҭахьҟа сцахуан сара наҟ –
Сааԥшыр ҳәа сшәон.

Са саргәырӷьон, са сарҵәуахуан
Сыбжьы...
Инасыԥын са сызгәылаз
Уи ашәшьы...


🧡 Ахьыуардын шәақәтәа
Please open Telegram to view this post
VIEW IN TELEGRAM
🔥137👍6❤‍🔥1
Ахьыуардын
Апоет диуеит, аха дыԥсӡом. Зашәақәа узымшьуа Таиф Аџьба иахьа 85 шықәса ихыҵит. Ҳаԥсшәа ԥшӡа адунеи ақәлара иаԥсан мышкызны иара иажәеинраалақәа алаиҩырц азыҳәан мацарагьы. Анцәа абаҩхатәра лыԥшаах злеиҵаз ауаҩы, арҿиаҩы. Ухы ианаушьаша иреиӷьу разҟуп — иԥхьара.…
Ашәҟәыҩҩы Даур Наҷҟьебиа Таиф Аџьба изкны:

▪️Дыԥшӡан уамак ала. Таиф ихы-иҿы иамаз акыҷырақәа ахаҵа аамсҭашәа ихаҿсахьа хадырҭәаауан. Ибла ӷрақәа ҭыԥхаауа, ашьабсҭеиԥш дҵаӷаӡа дыҟан. Иҭеиҭԥши ипоезиеи еиқәшәон. Аԥсуа дзеиԥшразар акәу, гәаҭалагьы, хымҩаԥгашьалагьы анаҳҳәо – убри Таиф Аџьба иоуп. Уи аԥсуа бырлаш дахаҿырбагоуп. Иҳаракӡоу аԥсуа культуратә хаҿуп.

▪️Таиф хәыцрак даман еснагь. Гәыҭыӷьӷьаала дыҟан, аха даартцәаӡамызт мыцхәы. Иара иҽеилаҳәашьагьы, иныҟәашьагьы, итәашьагьы асовет поет диеиԥшӡамызт шьаҭанкыла. Асовет поет апартиеи акоммунизми ажәеинраалақәа рзызыҩуаз иакәмызт, Таиф урҭ дреиуамызт...

▪️Таиф алаф бзианы иҳәон, иагьицааиуан. Иҩызцәа рыҟаҵашьақәа ҟаиҵон, аха иара даара дааӡан, аӡәгьы игәы нирхарц иҭахӡамызт. Агәаӷ имамызт аӡәгьы иахь. Зны-зынла деилашуан, иамхаҳәон аиаша.

▪️Таиф иԥсы анҭазгьы, даара иҳаракны ихә ршьон аԥхьаҩцәагьы акритикцәагьы. Апоетцәа рыбжьара акәзар, зегьы рҿы ирзамырҳәозаргьы, еилыркаауан дахьынӡаҟаз... Иара ихатә ҭыԥ аԥсуа поезиаҿы иааникылоит, ус аламалагьы акәӡам, даара иӷәӷәоу, зхатә ҷыдарақәа змоу, даҽаӡәы диламҩашьо.

▪️Имшынҵа документуп. Уи лахьынҵоуп. Ихы иадиҵеит документ ҳасабла аибашьра аҭоурых еиҭеиҳәарц, аха ишԥасылакьысри игәахәзаргьы ауеит. Даанхеит иара Аҟәа, дцар ауан аха. Убри амҩа данысырц иӡбеит. Ижәлар зҭагылоу ақьаад анҵара ҿаҭахьаны ихы иадиҵеит.

▪️Таиф ԥсыуала иааӡаз уаҩын. Ашьанҵа даҩызан, апринципра иман. Аӡәы ирҿиара дахцәажәозар, уаҵәҟьа аҳәашьа иԥшаауан, аха иара итәы иҳәон. Ҩбара илаӡамызт џьаргьы...

Елеонора Коӷониаԥҳа ианылҵаз Даур Наҷҟьебиа инарҭбаау иҿцәажәара шәаԥхьар шәылшоит абра>>

🧡 Ахьыуардын шәақәтәа
Please open Telegram to view this post
VIEW IN TELEGRAM
❤‍🔥12👍95