• Ахаҵара Нарҭаа ирхылҵит, ашәыргәындара ҩысҭаа цырҟьоуп.
• Ахаҵа дызқәымшәо егьыҟам.
• Хьӡы игарцоуп ахаҵа дзиуа.
• Ар ҭызго аӡә иоуп.
• Ар маҷ хьӡы ргеит.
• Ар ирнымиац дхаҵа ӷәӷәоуп.
• Абџьар шьҭызхуа зегьы зхысуам.
• Аибашьраҿы зегь ҭахом, ачараҿы зегь кәашом.
• Зҽышьҭа зырӡыз ахаҵа дхаҵам.
• Ахаҵара ауаҩы ициуеит.
• Афырхаҵа иҿырԥшы аиааира арҿиоит.
• Ауаа зегь зфырхаҵахом, аха ауаҩра руалуп.
• Афырхаҵа ишьҭа ихылаз афырхаҵа игәы иоуеит.
• Аԥсрагьы ахаҵара аҭахуп.
• Афырхаҵа знык ауп данԥсуа, ашәаргәында зқьынтә дыԥсуеит.
• Ахаҵа хьӡи-ԥшеи изырго аибашьраҿы – иаҳәа, аизараҿы – иажәа.
• Афырхаҵа зегьы дырдыруеит, иара иидыруа маҷҩуп.
• Доусы ианиашьа ихаҵашьоуп.
#ажәаԥҟақәа
Афото: Руслан Габлиа карандашьла иҭихуаз аибашьцәа рхаҿсахьақәа
Please open Telegram to view this post
VIEW IN TELEGRAM
❤15👍6🤩2
Ахьыуардын
Зхы ахьыҟоу здыруа ихәамц еибгоуп, ҳара ҳтәы иахьа хәҭакахьала еимгәаблуп. Изыхҟьазаалак, изынԥазаалак ари ахҭыс, мшыӷәӷәа ныҟәа ҳнеихьаны џьара ҳшымҩахҟьаз унарбоит. Егьа уҳәаргьы уажәшьҭа изхәарҭои акәымзар. Ҟәыхқәак ахьеиқәхаз Анцәа иџьшьоуп, гәыҟажагас…
"Зыԥсадгьыл иахырбааз рыԥсадгьыл иахәырбӷьыцхеит"
Абас хыс иаман абызшәадырҩы, Аԥсны Афырхаҵа Виачеслав Бганба Гьаргь Чачбеи, Дырмит Гәлиеи, Омар Беигәааи рлахьынҵақәа еидхәыцланы ирзикхьаз истатиак (аамҭала аибашьра ашьҭахь иҭыҵуаз агазеҭ "Абазамҩа" ианылеит). Абри ажәа зеиӷьыҟам ала инаалоит иаҳцәыблыз асахьаҭыхҩы ҟаза Александр Чачбагьы, ҳәарада. Уажәы аҷараҳәа иааҳгәалашәеит адунеи иалаԥсоу иусумҭақәа 13 Аԥсназы иаахәоуп ҳәа ажәабжь гәырԥсаҳәага ҳанаԥхьа.
"Ахәырбӷьыц" ԥшааны иақәызҵаз иреиуоуп Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза конгресс ахантәаҩы Мусса Егзакь, уи аус ицызуа, хьӡи-ԥшеи змоу ҳаҷкәынцәа Кан Ҭаниеи Ҭенгиз Ҭарбеи. Абзиара рзыҟалааит! Ирҿыԥшша рацәаҩхааит!
🧡 Ахьыуардын шәақәтәа

Telegram
Sputnik Абхазия
Председатель Высшего совета Всемирного абхазо-абазинского конгресса Мусса Экзеков приобрел на аукционе 10 работ Александра Шервашидзе-Чачба.
Эскизы костюмов для опер "Миранда" Николая Казанли и "Тристан и Изольда" Вагнера пополнят фонд Национальной картинной…

👍21❤4
Ари амзагьы егьырҭ зегь реиԥш еиуеиԥшым ахьӡқәа аман аԥсшәаҿы. Ажәарқәа рҟынтә еидаҳкылеит абарҭ (аҵыхәтәантәи ада зегьы аԥсышәоуп):
• Жәабра́н,
• Ӡышәкәа́р // Ӡышәкәа́н,
• Ӡынҵы́хәа,
• Ӷымзымзахәҷы́ (абжь)
• Чадлахәҷы́ (абжь),
• Мзаҩры́ (бз; ҵаб),
• Мзаҳәа́н (ашьх),
• Ԥеруа́л
Ашьҭыбжьқәа в-ф аԥсшәаҿы акыр ихьшәаны ишыҿиаз унарбоит иаланагалаз ари алатын ажәа: Февраль (Феуларь) → Ԥеулар → Ԥеруал. Ф/Ԥ реиҭныԥсахлара ахьаабо ҿырԥшы бзиоуп иара убас Анаԥа-Нага, Шьалуа Инал-Иԥа ианиҵахьан авариант "Анафа-Нага" ҳәа (ҳара ҳзыҿцаауаз ауаԥсаагьы ааԥын имҩаԥыргоз ржәытә ныҳәак Наф ахьӡуп).
Please open Telegram to view this post
VIEW IN TELEGRAM
👍17❤8
Маҳадыр ақыҭеи аӡиаси рыхьӡ ахьынтәаауа азы (асаӡ ҿаԥыц ҳәамҭақәа рыла)
Цандрыԥшь ҭоурыхла асаӡ аҳцәа Ацанбақәа ахын (Цандаа рыԥшь). Дара рхатә ныха рыман, Ацан-ныха. Аԥсны абыжьныхак иаарываҟәыло амч аман иара. Амаӡа бызшәала асаӡқәа аныхазы "ахына" рҳәон, аныхаԥааҩ изы – "аԥҭиӡаҳ". Аамҭала Ацан-ныхаҿы ныҳәаҩцәас иҟан ҩыџьа аишьцәа Маҳадыри Лашәи Ацанбақәа.
Маҳадыр илымҳа иаҳауамызт, аха ддырҩын. Еицәажәоз ауаа ирҳәоз рқьышә аҵысышьала еиликаауан, ацхыраара риҭон. Лашәы ила иабомызт, аха инапқәа рыла изакәызаалак ҵиаак, ма бӷьыцк иаԥхьа иқәырҵаргьы, изакәу еилиргон, ихәшәызаргьы, дымҩашьакәа иҳәон, уимоу ауаа еиҩидраауан. Маҳадыри Лашәи рыхьӡқәа ааигәа-сигәа ииуаз асабицәа ирыхьӡыртәуан, адоуҳа мчы рыцуп ҳәа иԥхьаӡаны.
Ацан-ныха иамҵаныҳәоз аныхаԥааҩцәа џьара вбак рыдубаломызт, ажәлар идырныҳәоз рылаԥш ихын, агра змаз, "шәахсҭак" зныз амԥангьы даарышьҭуамызт. Убас дыцқьазар акәын ацуныҳәаҿы агәи агәаҵәеи ирыхныҳәозгьы. Асаӡқәа аныҳәара знапы ианырҵоз есқьынагьы аныҳәаԥхьаӡқәа зҿаҟны иааиуаз иакәын.
Еиҭалҳәеит апоетесса Белла Барцыц, ианылҵеит ажурналист Саида Жьиԥҳа. Еиҳа инарҭбааны шәаԥхьар шәылшоит абра>>
🏞 Маҳады́р топонимс мацара акәымкәа, хатәы хьӡык аҳасабала уахәаԥшуазар, игәоумҭарц залшом ахаҵа хьӡы "Баҳады́р" ишазааигәоу, ақьышәтә цыбжьыҟақәа б/м артикулиациала еиԥшуп, рҽеиҭнырыԥсахлар рылшон, ("баҳадыр" ҭырқәшәала иаанагоит "храбрый, доблестный"). Ишакәхалак, ари аҭыԥхьӡ аҵакы аилкаареи аҭоурых аҭҵаареи даара аинтерес ацуп.🔎
🧡 Ахьыуардын шәақәтәа
Цандрыԥшь ҭоурыхла асаӡ аҳцәа Ацанбақәа ахын (Цандаа рыԥшь). Дара рхатә ныха рыман, Ацан-ныха. Аԥсны абыжьныхак иаарываҟәыло амч аман иара. Амаӡа бызшәала асаӡқәа аныхазы "ахына" рҳәон, аныхаԥааҩ изы – "аԥҭиӡаҳ". Аамҭала Ацан-ныхаҿы ныҳәаҩцәас иҟан ҩыџьа аишьцәа Маҳадыри Лашәи Ацанбақәа.
Маҳадыр илымҳа иаҳауамызт, аха ддырҩын. Еицәажәоз ауаа ирҳәоз рқьышә аҵысышьала еиликаауан, ацхыраара риҭон. Лашәы ила иабомызт, аха инапқәа рыла изакәызаалак ҵиаак, ма бӷьыцк иаԥхьа иқәырҵаргьы, изакәу еилиргон, ихәшәызаргьы, дымҩашьакәа иҳәон, уимоу ауаа еиҩидраауан. Маҳадыри Лашәи рыхьӡқәа ааигәа-сигәа ииуаз асабицәа ирыхьӡыртәуан, адоуҳа мчы рыцуп ҳәа иԥхьаӡаны.
Ацан-ныха иамҵаныҳәоз аныхаԥааҩцәа џьара вбак рыдубаломызт, ажәлар идырныҳәоз рылаԥш ихын, агра змаз, "шәахсҭак" зныз амԥангьы даарышьҭуамызт. Убас дыцқьазар акәын ацуныҳәаҿы агәи агәаҵәеи ирыхныҳәозгьы. Асаӡқәа аныҳәара знапы ианырҵоз есқьынагьы аныҳәаԥхьаӡқәа зҿаҟны иааиуаз иакәын.
Еиҭалҳәеит апоетесса Белла Барцыц, ианылҵеит ажурналист Саида Жьиԥҳа. Еиҳа инарҭбааны шәаԥхьар шәылшоит абра>>
🏞 Маҳады́р топонимс мацара акәымкәа, хатәы хьӡык аҳасабала уахәаԥшуазар, игәоумҭарц залшом ахаҵа хьӡы "Баҳады́р" ишазааигәоу, ақьышәтә цыбжьыҟақәа б/м артикулиациала еиԥшуп, рҽеиҭнырыԥсахлар рылшон, ("баҳадыр" ҭырқәшәала иаанагоит "храбрый, доблестный"). Ишакәхалак, ари аҭыԥхьӡ аҵакы аилкаареи аҭоурых аҭҵаареи даара аинтерес ацуп.
Please open Telegram to view this post
VIEW IN TELEGRAM
👍21❤10
Forwarded from Ахьыуардын
Адгьыл зегь агәалашәоит 🌍
Ажәлақәа ирхылҿиааз, гәыҩбара зцым (ҳгәанала) аҭыԥхьыӡқәа:
Мгәыӡаа – Мгәыӡырхәа
Ҟәланаа – Ҟәланырхәа
Аҭеиаа – Адеигәа́ра (Аҭеиаа ргәара)
Блабаа – Блабырхәа
Бармышьаа – Бармышь
Баӷаа – Баӷрыԥсҭа
Лыӡаа (Лоуаа) – Лӡаа; Мӡаа
Лоуаа – Лоо
Шәачаа – Шәача
Арыдаа – Арыдлар (Адлер)
Гәбаа – Гәбаадәы
Кәыдаа – Кәыдаԥсҭа
Гьачаа – Гьачрыԥшь
Цандаа/Цанбақәа – Цандрыԥшь
Чрыгаа – Чрыгрыԥшь (→ Чыгрыԥшь)
Жәандаа/ Ажәанбақәа – Жәандрыԥшь
Мқьалаа – Мқьалрыԥшь
📜 Ажәлар рҳәамҭақәа рҿы иаҳԥыло ажәлақәа:
Самахьхәаа – Самеговы, аҭоурыхтә-фырхаҵаратә ашәақәа ирылоуп
Аиныраа
Аӷәырлаа
Гьагәаа (ижьицәан)
Ларсаа // Ларсанаа
Кьамачаа
Ҟлычаа (ашәуаа рҿы иҟоуп)
Ҳәмараа (Ҭырқәтәыла иҟоуп)
Џыраа (Аӡынаа рабиԥароуп, ашәуаа рҿы – Жировы)
Ахыҵхырҭа: Шьалуа Инал-Иԥа, Хәыхәыт Бӷажәба, Валери Кәарҷиа русумҭақәа
Асахьаҿы Цәымҟәысба ашьха (гора Чумкузба) ©️ Ҭенгиз Ҭарба
🔎 Дал-Ҵабал иҟоу Цәымҟәысба ашьха ахьӡ -ба ала инҵәоит, аиԥш зеиԥшу аԥсуа жәлагьы ыҟан, аха изхыз уажәшьҭа Аԥсны инхаӡом.
🧡 Ахьыуардын шәақәтәа
Ажәлақәа ирхылҿиааз, гәыҩбара зцым (ҳгәанала) аҭыԥхьыӡқәа:
Мгәыӡаа – Мгәыӡырхәа
Ҟәланаа – Ҟәланырхәа
Аҭеиаа – Адеигәа́ра (Аҭеиаа ргәара)
Блабаа – Блабырхәа
Бармышьаа – Бармышь
Баӷаа – Баӷрыԥсҭа
Лыӡаа (Лоуаа) – Лӡаа; Мӡаа
Лоуаа – Лоо
Шәачаа – Шәача
Арыдаа – Арыдлар (Адлер)
Гәбаа – Гәбаадәы
Кәыдаа – Кәыдаԥсҭа
Гьачаа – Гьачрыԥшь
Цандаа/Цанбақәа – Цандрыԥшь
Чрыгаа – Чрыгрыԥшь (→ Чыгрыԥшь)
Жәандаа/ Ажәанбақәа – Жәандрыԥшь
Мқьалаа – Мқьалрыԥшь
📜 Ажәлар рҳәамҭақәа рҿы иаҳԥыло ажәлақәа:
Самахьхәаа – Самеговы, аҭоурыхтә-фырхаҵаратә ашәақәа ирылоуп
Аиныраа
Аӷәырлаа
Гьагәаа (ижьицәан)
Ларсаа // Ларсанаа
Кьамачаа
Ҟлычаа (ашәуаа рҿы иҟоуп)
Ҳәмараа (Ҭырқәтәыла иҟоуп)
Џыраа (Аӡынаа рабиԥароуп, ашәуаа рҿы – Жировы)
Ахыҵхырҭа: Шьалуа Инал-Иԥа, Хәыхәыт Бӷажәба, Валери Кәарҷиа русумҭақәа
Асахьаҿы Цәымҟәысба ашьха (гора Чумкузба) ©️ Ҭенгиз Ҭарба
Please open Telegram to view this post
VIEW IN TELEGRAM
👍16❤7
"Амшынгьы ҳәаак амоуп, аҵароуп ҳәаа змам".
🎓 Аԥсуа университет 45 шықәса ахыҵит!
Иреиҳаӡоу аҵараиурҭа аԥҵан жәабран 5, 1979 шықәсазы Аҟәатәи арҵаҩратә институт ашьаҭала. Амилаҭ телехәаԥшра аартра еиԥш, ари ахҭысгьы "Аԥсуаа рысаламшәҟәы" ҳәа изышьҭоу, амилаҭ-хақәиҭратә қәԥара алахәцәа 130-ҩык гәымшәарыла рнапы зҵарҩыз ашәҟәы иабзоурахеит.
Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет ашьақәгылара ҳаԥсадгьыл аҭоурых иузаҟәымҭхуа иадҳәалоуп: 1989 шықәсазтәи аидысларақәа, аибашьра, уи ашьҭахьтәи агәаҟҵәаҟрақәа, амамзаара уҳәа иахҭнагаз рацәоуп. Аха аамҭа уадаҩқәа раангьы аҵараиура аанкыламызт, арҵаҩцәа уалафахәыдагьы аус руан, ауниверситет ашә ҟьаҟьаӡа иаартын.
Иахьа ААУ жә-факультетк амоуп, иҭоу астудентцәа рхыԥхьаӡара х-нызқьҩык инарзынаԥшуеит, арҵаҩцәа 450-ҩык инареиҳауп, иреиӷьӡоу ҳҵарауаа уа иҟоуп. Аҵара иашьҭоу адырра бзиа ирҳартә еиԥш еиҿкаауп, еиқәыршәоуп, ихадароу аҟазшьақәа рыла адунеи астандартқәа ирыҵахом. Хьӡи-ԥшеи зманы иҩагылаз аушьҭымҭацәа шәҩыла еиқәуԥхьаӡап.
Ари нахысгьы аҿиара, аизҳара амазааит уаҵәтәи ҳамш зчаԥо ирхадароу ахәышҭаара!

❤15👍7
Амшын ихгыло "ацәҵыхәа" (смерч) ҳашьцәа азахәцәагьы иара усҵәҟьа иашьҭоуп: "хычъукӏэр" (букв.: морской бычий хвост). Иара злоу ажәаԥҟагьы рымазаап " "Шыкӏэм зигъэгусэмэ - хычъукӏэр къаӏо" (Аҽҵыхәа гәаауазар, ацәҵыхәа қшараны иҟоуп). Ари змааноу уи ауп, ҳара ҳаԥхьарца иаҩызоу рарҳәага "шыҷаԥшьын" аҽхәыц акәын иаҵырдоз ажәытәан, ианааурӷызлак абжьы ҭахәаҽны игар, амшцәгьа бааԥс ҟалоит ҳәа гәаҭаны ирыман.
Абри зырҵабыргуа, хаҭала дызлахәыз ахҭыс еиҭеиҳәеит ҩымзҟа раԥхьа аҭоурыхдырҩы Руслан Гәашьа ихатә даҟьаҿы. Иҟалеит иара 1990-тәи ашықәсқәа ралагамҭазы ԥхны мшык азы амшын иаԥну Агәои ақыҭан. Ҟабардантә иааз амилаҭ арҳәагақәа роркестр аҽны ақәгылара рыман. Ашьҭахь, ишаԥу еиԥш, ақыҭауаа аишәачара дырхиеит, асасцәа рчеиџьыка агьама дмырбакәа ирышьҭуамызт, дәы ԥшӡак аҿы атәара ҟарҵон.
Амузыкантцәа арагьы агәалаҟаразы ашәақәак адырҳәарц рҭаххазаап, аха арҳәагақәа хиомызт, инадырхха-аадырххеит, инамха-аамхеит, аха егьарундазгьы абжьы рызҭымгеит. Ари заҳаз шәышықәса ирҭысхьаз абырг Муса Алало абыржәыҵәҟьа зегь ықәыжәга, шәаргьы шәеимлыс, ашәарҭа зцу амшцәгьа бааԥс ҟалоит, ажәаԥҟа шәмаҳаци иҳәазаап. Ажәҩан ԥҭацкгьы хыршәламызт усҟан, аха аӡыш иажәа ҩбамтәкәа инарыгӡеит. Афатә-ажәтә имазеины иҟаз автобусқәа ирҭарҵеит, асасцәа иццакуаз рымҩа иқәырҵеит, шьоукгьы рыҩныҟақәа имҩахыргеит.
Сааҭки-бжаки мҵыцт рҳәон еиԥш ажәҩан аалашьцан, аԥхал хышәҭызшәа ақәаршҩы аҿаанахеит, аԥшацәгьа, афырҭын еикәагьежьт, аԥхасҭа ӷәӷәа ҟалеит, аҵлақәа хжәеит, аӡқәа хыҵт, ацҳақәа агеит, аԥсшьаҩцәа рыбжьара аԥсыҭбарақәагьы маҷмызт. Зажәа ԥхылдахаз абырг згәы зҽаниҵаз рахьтә уаҩы ԥырхага имоуит.

❤10👍10
Ҭырқәтәылатәи аԥсуаа рҳәамҭақәа рҟынтә. Автор, аиқәыршәаҩ Владимир Аҩӡба
***
Баснык-иԥа Есыф алафҳәара бзиа ибон. Амала ииҳәоз аиҳарак мцын. Зегь реиԥш иаргьы акаҳуажәырҭахь днеиуан. Еидтәалаз зегьы акака анырҳәа, иаргьы акы нарыласыжьп игәыхәын, "сынтәа аӡынра слеи сареи ҳзы даара ибрақьаҭын, 99 жьа снаршьит" иҳәеит.
– Уара, шәкы умҳәо, иушьыз ажьақәа рцәақәа ҳарба ҳәа уаҳкыр ҳәа ушәома? – иҳәеит, жьа заҵәыкгьы ахаан ишимшьыцыз здыруаз игәыла Маҳмуҭ.
– Жьа заҵәык азы шәсызжьом, – иҳәеит Есыф.
***
Аԥсара ҳәа иахьашьҭаз аԥсыуак дәқьанк ааиртит. Ала абз ҟәыкратәы [хәтәратәы] ишоуроуп, аха ауаа агәаран ақәгылоуп. Аӡәы ашә, аӡәы акәац, ҽаӡәы ахәша ааихәоит. Ԥҳәыскгьы аԥхӡы лҿашы дрылагылоуп.
– Аҳкәажә, бара ибҭахузеи, бгәы зынхьуази? – ҳәа длазҵааит аҭиҩы.
– Сара акгьы сҭахӡам, абна иқәу амалқәа рахьтә акы ахьыӡ "аиран" ҳәа иануп, аԥсышәала уи "аӡыршла" ахьӡуп. Убри уриашар сҭахуп лҳәеит.
Џьевдет Ашәымхәаа иҳәамҭоуп.
***
Кадыр иԥшәма димҵҵашшуан: "Анкьа иусҭалак ухәы абжа сара исуҭалон, уаазқәылаз, уаҟәыҵит, угәы сыхшәама?" – ҳәа. "Мамоу, еиҳагьы бзиа бызбоит, аха баазқәылаз ахәыҟаҵашьа бҵеит", – иҳәеит Кадыр.
Кадыр Аӡынба иҳәамҭоуп
***
Аҳәынҭқарраҿы хыла-гәыла ианеилала, аҳәынҭқар ипатрет ахькнаҳаз аҭӡы днадгылан, исахьа дазҵааит: "Ҳусқәа шбаҟалап зыугәыхәуази?" – ҳәа. "Сара сыкнырхып, аха уара укнарҳауеит, – аҳәеит асахьа.

🐇 Ажьа шкәакәа укыр иҽеим, аха ула иакыр бзиоуп! Избан?
Ажьа шкәакәа зкыз диҩызахеит рҳәоит, фразеологиатә еицааироуп, аҵакы: попасть в безвыходную ситуацию. Ажьа шкәакәа зкыз дзықәшәаз уи ауп, иоуижьыр иан дыԥсуан, иоуимыжьыр – иаб. Ари афраза ҵакыла иақәшәо…

👍11❤4❤🔥3🤗1
Ахьыуардын
Адгьыл зегь агәалашәоит 🌍 Ажәлақәа ирхылҿиааз, гәыҩбара зцым (ҳгәанала) аҭыԥхьыӡқәа: Мгәыӡаа – Мгәыӡырхәа Ҟәланаа – Ҟәланырхәа Аҭеиаа – Адеигәа́ра (Аҭеиаа ргәара) Блабаа – Блабырхәа Бармышьаа – Бармышь Баӷаа – Баӷрыԥсҭа Лыӡаа (Лоуаа) – Лӡаа; Мӡаа Лоуаа…
Ажәа ахы умҳәакәа аҵыхәа узҳәом. Уажә ааигәа еилаҳкааит Ахьыуардын аԥхьаҩцәа рхыԥхьаӡараҿы дшыҟоу Цәынды зыжәлоу аҳҷыԥсы ҷкәын, (аԥсшәа цқьаӡаны иҳәоит, уеигәырӷьап). Ажәлақәа ирхылҿиааз аҭыԥхьыӡқәа ҳахьрылацәажәоз "Ҵәындырҭа́" аӡбахә цәыригеит, издыруада, Цәындаа ирыдҳәалазар ҳәа. Ҳашьҭалеит.
Аҷандаратәи аҟәышдыр, асахьаҭыхҩы Уасил Мхонџьиа: "Сара ишсаҳахьоу ала, ари аҭыԥхьӡ Ҵәындры́ аӡы иахылҿиааит", – иҳәеит. Иара хәыҷуп, Ҿбаара иалалоит арымарахьала, Абӷархықәи Аҷандареи рҳәааҿы. Ахы ыҵнахуеит Чбалдыхә ҳәа иахьашьҭоу, ахахьы маҷк иҵәыҵәуп. Ҳгәы азҩон ҳаргьы, аха ишьақәырӷәӷәаны иазгәеиҭоит Аԥсны атопонимика ҭызҵааз абызшәдырҩы Валери Кәарҷиа ишәҟәаҿы.
Иҭабуп ҳәа лаҳҳәоит аҭак аԥшаараҿы ацхыраара ҟазҵаз ҳколлега Мадина Ҳагԥҳа 🤗
UPD: Аӡиас ахьӡ ааигәа-сигәа аҭыԥ иаххалоны даара ирацәаны иаҳԥылоит Аԥсны, хықәкыла аҷандараа ҳгозар, Ӡыбзыр рымоуп: иагьӡуп, иагьҳаблоуп. Ажәлар ретимологиала, "узырбзо аӡы" (оживляющая целебная вода) аанагоит. Аԥсуаа жәытәаахыс ӡыла аҽыхәшәтәра рдыруан. Аԥсны ихәыҵыҵуа аӡҵәыҵәқәа рхыԥхьаӡара 170 инарзынаԥшуеит.
Please open Telegram to view this post
VIEW IN TELEGRAM
👍19❤5❤🔥3
Аԥсны Жәлар рартистка, Аԥсуа ҟармаҵыс Лиудмила Лагәуаԥҳа диижьҭеи иахьа 85 шықәса ҵит.
Лиудмила Андреи-иԥҳа – раԥхьатәи аԥсуа профессионалтә оператә шәаҳәаҩы, Киев аҳәынҭқарратә консерваториа далгеит, Москва Большои театр аҟны лԥышәа азлырҳауан, 1972 шықәса инаркны Аԥсуа филармониаҿы солисткас аусура далагеит.
Абжьы цқьа лхан, ҩбеи бжаки октава зымҽхакыз алирика-колоратуратә сопрано, ԥшшәыла иҩычазар еиԥш иԥшӡан ихааӡа угәы иҭалоз лыбжьы. Ажәлар бзиа дбаны "Аԥсуа ҟармаҵыс" ҳәа ахьӡ лхырҵеит. Иуадаҩӡаз ариақәа налыгӡон лыбжьы еицакрак ақәымкәа. Уи анахыс, ԥсабарала илылаз артистизми лаамсҭашәареи уамашәақәа асцена ианаалон, ахәаԥшцәа хнамхыр ауамызт.
Лиудмила Лагәуа аԥсуа милаҭ ашәақәа аоператә ҳәашьала ауаа рлымҳаҿы иназго иалагаз дыруаӡәкуп. Раԥхьатәи аԥсуа опера "Аламыс" аҟны апартиа хада налыгӡон, иара убас аспектакльқәа "Травиата", "Царская невеста", "Севильский цирюльник" уҳәа рҟны.
Аԥсны жәлар рџьынџьтәылатә еибашьра лқыҭа гәакьа Ԥақәашь илхылгеит, аибашьцәа ргәы шьҭылхуан, ашәақәа рзылҳәон. Аҭынчра аамҭа аныҟала ауаажәларратә усқәа дрылагылеит, ирацәаны аҿар аус рыдылулон, Аҟәатәи амузыкатә ҵараиурҭаҿы дырҵаҩын, лыҩнгьы абаҩхатәрақәа еиҵалааӡон, уимоу, луаҭах аҟны амузыка абзиабаҩцәа рзы асалон еиҿылкааит. Уаҟа имҩаԥысуаз арҿиаратә хәылԥазқәа иахьа уажәраанӡагьы ргәы иҭымҵәо иҟоуп ирҭаауаз. Ачеиџьыка змаз, зыблақәа хтыз, згәы аартыз, зхы-зҿы еихаччоз аԥшәыман лара.
Лиудмила Андреи-иԥҳа лхаҭагьы амузыка аԥылҵон, аԥсуа поетцәа ражәеинраалақәа ашәақәа рылылхуан, авторс дызмаз алирикатә романсқәа еиуеиԥшым аконцертқәа раан лҵаҩцәа гәыбылрала инарыгӡон.
Лиудмила Лагәуа Анцәа абаҩхатәра ссир лылеиҵеит, иҟалҵоз зегьы аҟазара агыдраҿы иҩаӡон, лџьабааи, лԥышәа ҳараки, лыуаҩреи наунагӡа аԥсуа культура иазынхоит. Хашҭра лықәымзааит!

👍11❤4🙏1
Аԥсны Жәлар рартист, ашәаҳәаҩ, акәашаҩ, ахореограф Анри Ферзба ҳидныҳәалоит иахьа – 70 шықәса ихыҵит.
Ферызаа рыӡбахә змаҳац, рҟазара ашәахәақәа зхьымсыц аԥсыуак дыҟамзар ҟалап, дара рҭаацәаратә ансамбль Аԥсны анҭыҵгьы ирдыруан, хьӡи-ԥшеи арҳахьан. Иахьанӡа ари атрадициа еиқәырханы иааргоит, ԥхьаҟагьы ишеихарҳауа азы гәыҩбара ыҟам.
Анри Ферзба Аҟәатәи акультуратә-ҵаралашаратә ҵараиурҭа далгеит, 25 шықәса аҳәынҭқарратә ансамбль "Шьараҭын" аҟны дкәашон, дсолистын, ансамбль дацны адунеи азбжак дакәшахьеит. Иара уи аамҭазы хореографс аус иуан, аԥсуа милаҭ кәашарақәа ықәиргылон, цәала-жьыла, гәаҭала дызтәу ажәлар рдоуҳа иалиааиз аҿыцрақәа алагалауа.
Дызхылҵыз реиԥш иаргьы абжьы бзиа ихоуп, ҟазарала аԥсуа жәлар рашәақәа наигӡоит, далоуп Аԥсны зҽаԥсазтәыз ашәаҳәареи акәашареи рансамбль, Москва адиаспораҿы иаԥҵаз аетнографиатә ахацәа рхор. Шықәсырацәала Аҟәатәи аҳәынҭқарратә акультуратә ҵараиурҭаҿы аус иуеит, акультура иаҵагылаша аҿар еиҵазааӡо дыруаӡәкуп. Агәабзиара, анҵыра рацәа, агәырӷьарақәа иаҭәашьазааит!
Аиубилиар арадио Sputnik дсасны даҭан, иқәра ҿыц дшазыҟоу еиҭеиҳәеит, акультура далацәажәеит, шәизыӡырҩырц шәылшоит абра>>

👍12❤2
Ахьыуардын
Аԥсны Жәлар рартист, ашәаҳәаҩ, акәашаҩ, ахореограф Анри Ферзба ҳидныҳәалоит иахьа – 70 шықәса ихыҵит. Ферызаа рыӡбахә змаҳац, рҟазара ашәахәақәа зхьымсыц аԥсыуак дыҟамзар ҟалап, дара рҭаацәаратә ансамбль Аԥсны анҭыҵгьы ирдыруан, хьӡи-ԥшеи арҳахьан. Иахьанӡа…
This media is not supported in your browser
VIEW IN TELEGRAM
📌 Ажәа бзиоуп
Ахапа́ – запев; соло; высокий первый голос
Ашәа ахы зкуа, бжьы пала аӡәы иаацәыриго ажәақәа, ҩ-шьаҭак реилаларала ишьақәгылеит: ахы́ + апа́. Ари ажәа асиноним амоуп – ахкы́. Ахапаҳәаҩы́, ахкы́нагӡаҩ – запевала; солист, "ахкынагӡаҩ" акәашарахьгьы идырхалоит, аха изызкыҵәҟьоу ашәоуп.
Аԥсуа жәлар рашәаҳәареи рыкәашареи анеицу рацәоуп, акеҩҳәа ахапа ҭзырҟьаз ихаҭа кәашара далҵыр ҟалоит, усҟан ахапаҳәаҩцәа еибадырны рҽырыԥсахуеит, ма ахор иацдырӷызуеит, ашәа зеиԥшроу еиԥш. "Аураашьа" аҿы икәашогьы, ирыкәшаны игылоугьы рефренҵас иара убри ажәа еиҭарҳәон қьабзтә кәашараны ианыҟаз аахыс.
Аԥсшәаҿы ажәеи ашәеи ирыцааиуа ҟаҵарбак ауп – "аҳәара" (ажәа зҳәо, ашәа зҳәо, ахкы зҳәо // ахапа зҳәо), ашәаҳәара – букв.: "выговорить песню", амузыкаҭҵааҩ Аида Ашьхаруа лгәаанагарла, аригьы иаҳнарбоит аԥсуаа ҳҿы ашәа аира ажәытәӡа ишаларсу. "Ажәа аныҟам ашәа нҵәароуп" иҳәахьан Шьынқәбагьы.
📖
Бас – абжьгәа́ҩа
Фальцет – абжьпа́, абжьы́ркьыкь

👍16❤3
Ашшаӷьыч сынтәа ашша аӷьычра ақәымшәазар ҟалап, ҳаӡын ҟәанданы имҩасуеит, џьара-џьара сы хәҷык леизаргьы ишьҭамгылаӡеит.
Абжьааԥны амаҵақәа рыла ичо ари аҵыс ԥшӡа ахьҭақәа раан, аҷыхь бааԥс анаҿоу афатә иашьҭаланы ауаҩы инхара аҽазааигәанатәуеит, аца инҭасыргьы цәгьа иабом. Абызшәадырҩы Ева Ҭаниа аԥсаатәқәа ирызку лыстатиа ссирк ҳаԥхьеит ааигәа, убра илыҩуеит: "ашшаӷьыч ашша аӷьычуеит, ашә, арыц бзиа иабоит, акәац хшьызар инадтәаланы иафоит, еиҳарак ашша иазгагоуп" ҳәа. Линформантцәа зуаҩыбжара иҭысхьоу қыҭауаауп 🛖🌾
Арахәааӡара знапы алакыз аԥсуаа ашша (животный жир, сало) рымҵәомызт уеизгьы, ари аҵыс аҟазшьақәа баны ахьӡ арҭеит. Адиалект вариантқәа иаҳзыԥшааз рҿгьы ашьагәыҭ еиқәхоит: ашшаӷьынҷ (бз., абжь.), ашышырӷьыч (саӡ.)
Ашшаӷьыч агәышҵа ҩежьӡа ашша ахьшьушәагьы иҟоуп хазы. Егьырҭ ажәлантәқәагьы рыхьӡқәа шырнаало шәахәаԥш:
Ашшаӷьы́ч – синица большая;
Ашшаӷьы́ч иаҵәа – лазоревка;
Ахаԥа́рч – синица хохлатая;
Аҵиуҵи́у – синица длиннохвостая;
Ахәысхәы́р – синица-пухляк;
Аԥаҵақьа́ла – синица усатая
🔸 Игәы ашша кыдуп – он пышет здоровьем;
🔸 Ашша (арашы) алхны иуиҭоит – он очень скуп.
Ашәарыцаратә бызшәала "ашша" иаанагоит аҵаа.
Ахыҵхырҭа: Владимир Касланӡиа. Аԥсуа-аурыс жәар, 2005
#аԥсаатәқәа

👍23🔥4❤2
• Абзиабара мчыла иузаагом.
• Бзиа еибабо бӷьыцк еицықәӡоит.
• Мыцхә бзиа узбо абашазы дузгәаауеит.
• Абзиабара ыҟамкәа анасыԥ зыҟалом.
• Мчыла унасыԥ узшом.
• Дук дысгәаԥхом зҳәо дигәаԥхоит, аха изгәаҭаӡом.
• Зегь ирҭаху ҳәа уаҩ дыҟаӡам.
• Ԥҳәыс дааугаанӡа убла хты, данааугалак маҷк ихҩа.
• Гәыкала узҭаху илакҭала дудыруеит.
• Еибабароуп гәыбылрас иҟоу // Алеибабароуп агәыбылра ҟазҵо.
• Бзиа еибабо знык еицәыԥсыр – еицәыԥсӡоит.
• Зыбзиабара еицәыӡыз иԥсаанӡагьы ирхашҭуам.
• Аибаҭахра иагьакуп, иагьыҩбоуп.
• Инамӡаша анасыԥ ауаагьы аԥырхагахоит.
• Лахьынҵада аԥсҭазаара ыҟам.
• Абзиабара еиҳау мал ыҟаӡам.
• Абзиабара ахьыҟам агәырӷьара зыҟалом.
• Абзиабаразы икаҭәаз алаӷырӡи аибашьраҿы икаҭәаз ашьеи хәшьарак рымаӡам.
• Абзиабара хьшәашәо ианалагалак ахьаақәа рацәахоит.
• Ааԥынтәи асы бзиа еибабо ргәеизынхара иеиԥшуп – иааит, ицеит.
• Еинасыԥу иахьыҟазаалак еиқәшәоит.
• Унасыԥ ахьыҟоу ушьапы унанагоит.
#ажәаԥҟақәа
Please open Telegram to view this post
VIEW IN TELEGRAM
👍13❤9
Афольклорҭҵааҩ, алитературатә критик, апоет-лирик, адраматург, арҵаҩы, академик Валентин Кәаӷәаниа имшироуп иахьа, 65 шықәса ихыҵит.
Валентин Асҭамыр-иԥа Кәтол ақыҭан диит, аха дзааӡаз Аҟәоуп, араҟа ашкол-интернат далгеит. Дшыхәыҷызнатә асахьажәа дазҿлымҳан, алитературатә кружок далан. Раԥхьатәи иажәеинраалақәа акьыԥхь рбеит 15 шықәса анихыҵуаз.
Валентин Кәаӷәаниа ААУ афилологиатә факультет даушьҭымҭоуп, уи анаҩс Москва Алитературатә институт аспирантура далгеит. Аԥсуаҭҵаара дазааԥсоижьҭеи 45 шықәса инарзынаԥшуеит, хықәкыла аԥсуа жәлар рашәақәа нҭырҳәцааны иҭиҵааит. Иааидкыланы инапы иҵыҵхьоу аусумҭақәа 200 инареиҳауп, ҳзыԥхьахьоу зегь хымкыхуп, ихәарҭоуп.
Ауаажәларреи аҵара-ааӡара ауси рзгьы иџьабаақәа рацәоуп: жәохә шықәса Кондрат Ӡиӡариа ихьӡ зху Аԥсуа ҳәынҭқарратә лицеи-интернат напхгара аиҭон, аамҭала ахәыҷтәы журнал "Амцабз" аредакторс дыҟан. Алитературазы арҵага шәҟәқәа акымкәа-ҩбамкәа еиқәиршәахьеит, "Аԥсуа жәлар рҿаԥыц рҿиамҭақәа" I, XI атомқәа дравторуп.
Ианашьоуп Гьаргь Ӡиӡариа ихьӡ зху аҳәынҭқарратә премиа, Таиф Аџьба ихьӡ зху алитературатә премиа, Аԥсны аҭҵаарадырра зҽаԥсазтәыз аусзуҩ ҳәа ахьӡ ҳаракы ихҵоуп. Здырреи, збаҩхатәреи, зыхшыҩи, зыламыси еибакапануа, ҳаԥсуара зырԥшӡо, ашьаҭа зырӷәӷәо аинтеллигенциа дырхаҭарнакуп. Ҽаанбзиала днеилааит, иҭаацәеи ижәлари дрыгымзааит! Игәы иҭақәоу зегьы дрыхьӡааит!
Ашәҟәыҩҩы Анатоли Лагәлаа имҩаԥигаз аиубилиар иҿцәажәара шәаԥхьар шәылшоит абра>> даара иаԥсышәоуп!

👍14❤3🥰2
Ахьыуардын
Афольклорҭҵааҩ, алитературатә критик, апоет-лирик, адраматург, арҵаҩы, академик Валентин Кәаӷәаниа имшироуп иахьа, 65 шықәса ихыҵит. Валентин Асҭамыр-иԥа Кәтол ақыҭан диит, аха дзааӡаз Аҟәоуп, араҟа ашкол-интернат далгеит. Дшыхәыҷызнатә асахьажәа дазҿлымҳан…
This media is not supported in your browser
VIEW IN TELEGRAM
Аҭҵаарадырраҿы акәалеимадара аныӷәӷәоу абас ауп – Валентин Кәаӷәаниа ҵарауаҩк иаҳасабала ишьақәгылара дшахцәажәаз алаҳкааит, иааӡагоуп.
Аиҿцәажәара нагӡа ҭоуп абра>>
🧡 Ахьыуардын шәақәтәа
Аиҿцәажәара нагӡа ҭоуп абра>>
Please open Telegram to view this post
VIEW IN TELEGRAM
👍18❤2