Ахьыуардын
1.27K subscribers
1.38K photos
220 videos
1.66K links
Ахьыуардын — аԥсуа бызшәеи, аҭоурыхи, акультуреи ирызку апроект ҷыда. Напбзиа-шьапбзиа ахьыуардын дақәтәоуп. Шәҳацла: ахьы хәыҷуп, аха шәкы ицоит, аӡә дышәҩыкны дҳаԥхьаӡоит.
Download Telegram
Ибзианы ичаԥазаарын 😉

Басиаҭ дышнеиуаз џьара дымҩахыҵит. Уа ԥҳәыс быргк дынхон. Иара амла дакуан. Лара фатәыс аҟәыд изцәырылгеит, уаҳа лымамзу здырхуада. Чанахк азна илҭан, ифеит, даҽак илҭан – ифеит. Убас мацара хԥаҟа-ԥшьбаҟа чанах аҟәыд ифеит.
– Нан, шәара аишьцәа заҟаҩ шәыҟада? – лҳәан аԥҳәыс бырг диазҵааит.
– Ааи, дихеит, ҳара аишьцәа хҩык ҳаҟагәышьан, аха иалабхи, иахьа руаӡәк аҟәыд дашьит, – иҳәеит Басиаҭ.

Ианиҵеит Сергеи Зыхәба

#аԥсуа_лафқәа

🧡 Ахьыуардын шәақәтәа
Please open Telegram to view this post
VIEW IN TELEGRAM
👍17😁6🤣4
Аԥсны жәлар рџьынџьтәылатә еибашьра иалахәыз, Леон иорден занашьоу аҟабарда ҷкәын Аслан Ажьгьари иԥсы ҭаны дыҟазҭгьы иахьа 55 шықәса ихыҵуан.

Аслан Кавказ жәларқәа рконфедерациа аусура дазҿлымҳан, "Адыгэ Хасэ" далан, аибашьра ҟалаанӡагьы изныкымкәа Аԥсны даахьан, агәыблыра икхьан. Иара дкәашаҩын, анхамҩагьы дамаран, инапы ахьы аԥссоит ҳәа ззырҳәоз иакәын.

Аԥсны аӷа данақәла зыԥшрак ҟамҵакәа хатәгәаԥхарала арахь иҵысыз ҳашьцәа дыруаӡәкхеит. Гагра ахақәиҭтәраан агәымшәара ду ааирԥшит, ақырҭқәа ахьтәаз зегь раԥхьа днаӡаны, икылкааны дхысны р-БМП ԥижәеит. Аԥсны мраҭашәара Ԥсоунӡа аԥсуаа рнапаҿы ианыҟала, Гәымсҭатәи афронт ахь диасит. Ианартәи ажәылара далахәын, даара деилҟьан, усҟангьы БТР-қәа ҩба аԥырихит. Ешыра ҳаҷкәынцәа дрывагылан иашьа гәакьа Анзоргьы.

Март 16 ашьыжь шаанӡа игранатаршәга изқәынҵаны Гәымсҭа ҵааршә ирыз дреиуан Аслан Ажьгьари. Дук мырҵыкәа ақәыршҩеиԥш аӷа ихымца аҿанаанаха, "Шәхьаҵ!" ҳәа адҵа аныҟала, иҩызцәа алҵаанӡа дгылан, убасҟан ахы иқәшәеит иаргьы. Ахә аарцә дырганы, ацхыраара ласы амашьына дақәиҵагәышьеит иҩыза, аха дагьааидҵуан еиԥш, иара ахьгылаҵәҟьаз аснариад аахан иԥнажәеит. Абас иԥсҭазаара ҿахҵәеит афырхаҵа, 24 шықәса ракәын ихыҵуаз, зқьышықәсала ԥсра-ӡра зқәым ахьӡ ирҳаит. Иԥсы ҭынчзааит! 🙏

🧡 Ахьыуардын шәақәтәа
Please open Telegram to view this post
VIEW IN TELEGRAM
🙏20😢3
Аԥсны жәлар рартист, Аԥсны жәлар рџьынџьтәылатә еибашьра аветеран Сергеи Габниа имшироуп иахьа, 85 шықәса ихыҵит.

Сергеи Габниа диит Калдахәара ақыҭан. Қарҭ атеатртә институт далгеит, 1968 шықәса раахыс Самсон Ҷанба ихьӡ зху Аԥсуа драматә театр амаҵ азиуеит. Еиуеиԥшым аамҭақәа рзы қәҿиарала инаигӡеит ахәаԥшцәа ргәалашәараҿы инхаз арольқәа, "Ахрашәа", "Сеидыҟ", "Кьоџьаа рҭыӡшәа", "Алыбеи", "Махаз", "Аԥсҭазаара ԥхыӡуп" уҳәа убас хкырацәала аспектакльқәа дрылахәын. Асовет киностудиа дуқәа иҭырхыз афильмқәа рҿы даҳбар ҳалшоит.

Аԥсны аибашьра алагаанӡагьы уи хырԥашьа шамамыз збоз дреиуан Сергеи Габниа, ус ацәалашәара аниоу Арратә хеилак еиҿкаатәуп ҳәа Арӡынба иахь ашәҟәы иҩхьан. Аибашьра актәи амшқәа рзы Мушьни Хәарцкьиа ибатальон далалеит, аԥшыхәра аганахьала аџьабаа рацәаны ибеит, аԥшыхәратә гәыԥқәа реиҿкаара ашьаҭаркыҩцәа дыруаӡәкуп.

Акультура иазааԥсо аибашьра адәаҿы ирусым, инашәмышьҭын ҳәа адҵа шыҟазгьы, усҟантәи акультура аминистр Нодар Ҷанба дақәыршаҳаҭны иеибашьратә мҩа иациҵеит, гәымшәарыла ихы ааирԥшит, Леон иорден ианашьоуп. Аиааира ашьҭахь аамҭала Аԥсны Арбџьармчқәа рыштаб хадаҿы дыҟан, аштаб аиҳабы ихаҭыԥуаҩс. Анаҩс аҟазара дазыхынҳәит, иҵегь шьарда атеатр абзиабаҩцәа иргәырӷьеит.

Аиубилиар агәабзиареи аԥсынҵра наӡеи изеиӷьаҳшьоит, иҭаацәа, иуаажәлар дрыгымзааит! Ҽаанбзиала днеилааит!

🧡 Ахьыуардын шәақәтәа
Please open Telegram to view this post
VIEW IN TELEGRAM
👍156
🎩 Ахаҵара иазку аԥсуа жәаԥҟақәа

• Ахаҵара Нарҭаа ирхылҵит, ашәыргәындара ҩысҭаа цырҟьоуп.

• Ахаҵа дызқәымшәо егьыҟам.

• Хьӡы игарцоуп ахаҵа дзиуа.

• Ар ҭызго аӡә иоуп.

• Ар маҷ хьӡы ргеит.

• Ар ирнымиац дхаҵа ӷәӷәоуп.

• Абџьар шьҭызхуа зегьы зхысуам.

• Аибашьраҿы зегь ҭахом, ачараҿы зегь кәашом.

• Зҽышьҭа зырӡыз ахаҵа дхаҵам.

• Ахаҵара ауаҩы ициуеит.

• Афырхаҵа иҿырԥшы аиааира арҿиоит.

• Ауаа зегь зфырхаҵахом, аха ауаҩра руалуп.

• Афырхаҵа ишьҭа ихылаз афырхаҵа игәы иоуеит.

• Аԥсрагьы ахаҵара аҭахуп.

• Афырхаҵа знык ауп данԥсуа, ашәаргәында зқьынтә дыԥсуеит.

• Ахаҵа хьӡи-ԥшеи изырго аибашьраҿы – иаҳәа, аизараҿы – иажәа.

• Афырхаҵа зегьы дырдыруеит, иара иидыруа маҷҩуп.

• Доусы ианиашьа ихаҵашьоуп.

#ажәаԥҟақәа

Афото: Руслан Габлиа карандашьла иҭихуаз аибашьцәа рхаҿсахьақәа

🧡 Ахьыуардын шәақәтәа
Please open Telegram to view this post
VIEW IN TELEGRAM
15👍6🤩2
Ахьыуардын
Зхы ахьыҟоу здыруа ихәамц еибгоуп, ҳара ҳтәы иахьа хәҭакахьала еимгәаблуп. Изыхҟьазаалак, изынԥазаалак ари ахҭыс, мшыӷәӷәа ныҟәа ҳнеихьаны џьара ҳшымҩахҟьаз унарбоит. Егьа уҳәаргьы уажәшьҭа изхәарҭои акәымзар. Ҟәыхқәак ахьеиқәхаз Анцәа иџьшьоуп, гәыҟажагас…
"Зыԥсадгьыл иахырбааз рыԥсадгьыл иахәырбӷьыцхеит"

Абас хыс иаман абызшәадырҩы, Аԥсны Афырхаҵа Виачеслав Бганба Гьаргь Чачбеи, Дырмит Гәлиеи, Омар Беигәааи рлахьынҵақәа еидхәыцланы ирзикхьаз истатиак (аамҭала аибашьра ашьҭахь иҭыҵуаз агазеҭ "Абазамҩа" ианылеит). Абри ажәа зеиӷьыҟам ала инаалоит иаҳцәыблыз асахьаҭыхҩы ҟаза Александр Чачбагьы, ҳәарада. Уажәы аҷараҳәа иааҳгәалашәеит адунеи иалаԥсоу иусумҭақәа 13 Аԥсназы иаахәоуп ҳәа ажәабжь гәырԥсаҳәага ҳанаԥхьа.

"Ахәырбӷьыц" ԥшааны иақәызҵаз иреиуоуп Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза конгресс ахантәаҩы Мусса Егзакь, уи аус ицызуа, хьӡи-ԥшеи змоу ҳаҷкәынцәа Кан Ҭаниеи Ҭенгиз Ҭарбеи. Абзиара рзыҟалааит! Ирҿыԥшша рацәаҩхааит!

🧡 Ахьыуардын шәақәтәа
Please open Telegram to view this post
VIEW IN TELEGRAM
👍214
🌞 Ӡынҵыхәамз ҳҭалеит, амш иубаратәы иазҳахьеит, амра аԥхынрахь ихышәҭит. Уажәшьҭа лассы иҿыхоит аԥсабара. Ааигәа-сигәа сык бахҵәаӡа иҳазлеип ҳәа иазыԥшым аҳауагәаҭаҩцәа.

Ари амзагьы егьырҭ зегь реиԥш еиуеиԥшым ахьӡқәа аман аԥсшәаҿы. Ажәарқәа рҟынтә еидаҳкылеит абарҭ (аҵыхәтәантәи ада зегьы аԥсышәоуп):

• Жәабра́н
,
• Ӡышәкәа́р // Ӡышәкәа́н,
• Ӡынҵы́хәа,
• Ӷымзымзахәҷы́ (абжь)
• Чадлахәҷы́ (абжь),
• Мзаҩры́ (бз; ҵаб),
• Мзаҳәа́н (ашьх),
• Ԥеруа́л

Ашьҭыбжьқәа в-ф аԥсшәаҿы акыр ихьшәаны ишыҿиаз унарбоит иаланагалаз ари алатын ажәа: Февраль (Феуларь) → Ԥеулар → Ԥеруал. Ф/Ԥ реиҭныԥсахлара ахьаабо ҿырԥшы бзиоуп иара убас Анаԥа-Нага, Шьалуа Инал-Иԥа ианиҵахьан авариант "Анафа-Нага" ҳәа (ҳара ҳзыҿцаауаз ауаԥсаагьы ааԥын имҩаԥыргоз ржәытә ныҳәак Наф ахьӡуп).

🧡 Ахьыуардын шәақәтәа
Please open Telegram to view this post
VIEW IN TELEGRAM
👍178
Маҳадыр ақыҭеи аӡиаси рыхьӡ ахьынтәаауа азы (асаӡ ҿаԥыц ҳәамҭақәа рыла)

Цандрыԥшь ҭоурыхла асаӡ аҳцәа Ацанбақәа ахын (Цандаа рыԥшь). Дара рхатә ныха рыман, Ацан-ныха. Аԥсны абыжьныхак иаарываҟәыло амч аман иара. Амаӡа бызшәала асаӡқәа аныхазы "ахына" рҳәон, аныхаԥааҩ изы – "аԥҭиӡаҳ". Аамҭала Ацан-ныхаҿы ныҳәаҩцәас иҟан ҩыџьа аишьцәа Маҳадыри Лашәи Ацанбақәа.

Маҳадыр илымҳа иаҳауамызт, аха ддырҩын. Еицәажәоз ауаа ирҳәоз рқьышә аҵысышьала еиликаауан, ацхыраара риҭон. Лашәы ила иабомызт, аха инапқәа рыла изакәызаалак ҵиаак, ма бӷьыцк иаԥхьа иқәырҵаргьы, изакәу еилиргон, ихәшәызаргьы, дымҩашьакәа иҳәон, уимоу ауаа еиҩидраауан. Маҳадыри Лашәи рыхьӡқәа ааигәа-сигәа ииуаз асабицәа ирыхьӡыртәуан, адоуҳа мчы рыцуп ҳәа иԥхьаӡаны.

Ацан-ныха иамҵаныҳәоз аныхаԥааҩцәа џьара вбак рыдубаломызт, ажәлар идырныҳәоз рылаԥш ихын, агра змаз, "шәахсҭак" зныз амԥангьы даарышьҭуамызт. Убас дыцқьазар акәын ацуныҳәаҿы агәи агәаҵәеи ирыхныҳәозгьы. Асаӡқәа аныҳәара знапы ианырҵоз есқьынагьы аныҳәаԥхьаӡқәа зҿаҟны иааиуаз иакәын.

Еиҭалҳәеит апоетесса Белла Барцыц, ианылҵеит ажурналист Саида Жьиԥҳа. Еиҳа инарҭбааны шәаԥхьар шәылшоит абра>>

🏞 Маҳады́р топонимс мацара акәымкәа, хатәы хьӡык аҳасабала уахәаԥшуазар, игәоумҭарц залшом ахаҵа хьӡы "Баҳады́р" ишазааигәоу, ақьышәтә цыбжьыҟақәа б/м артикулиациала еиԥшуп, рҽеиҭнырыԥсахлар рылшон, ("баҳадыр" ҭырқәшәала иаанагоит "храбрый, доблестный"). Ишакәхалак, ари аҭыԥхьӡ аҵакы аилкаареи аҭоурых аҭҵаареи даара аинтерес ацуп. 🔎

🧡 Ахьыуардын шәақәтәа
Please open Telegram to view this post
VIEW IN TELEGRAM
👍2110
Forwarded from Ахьыуардын
Адгьыл зегь агәалашәоит 🌍

Ажәлақәа ирхылҿиааз, гәыҩбара зцым (ҳгәанала) аҭыԥхьыӡқәа:

Мгәыӡаа – Мгәыӡырхәа
Ҟәланаа – Ҟәланырхәа
Аҭеиаа – Адеигәа́ра (Аҭеиаа ргәара)
Блабаа – Блабырхәа
Бармышьаа – Бармышь
Баӷаа – Баӷрыԥсҭа
Лыӡаа (Лоуаа) – Лӡаа; Мӡаа
Лоуаа – Лоо
Шәачаа – Шәача
Арыдаа – Арыдлар (Адлер)
Гәбаа – Гәбаадәы
КәыдааКәыдаԥсҭа
Гьачаа – Гьачрыԥшь
Цандаа/Цанбақәа – Цандрыԥшь
Чрыгаа – Чрыгрыԥшь (→ Чыгрыԥшь)
Жәандаа/ Ажәанбақәа – Жәандрыԥшь
Мқьалаа – Мқьалрыԥшь

📜 Ажәлар рҳәамҭақәа рҿы иаҳԥыло ажәлақәа:

Самахьхәаа
– Самеговы, аҭоурыхтә-фырхаҵаратә ашәақәа ирылоуп
Аиныраа
Аӷәырлаа
Гьагәаа
(ижьицәан)
Ларсаа // Ларсанаа
Кьамачаа
Ҟлычаа
(ашәуаа рҿы иҟоуп)
Ҳәмараа (Ҭырқәтәыла иҟоуп)
Џыраа (Аӡынаа рабиԥароуп, ашәуаа рҿы – Жировы)

Ахыҵхырҭа: Шьалуа Инал-Иԥа, Хәыхәыт Бӷажәба, Валери Кәарҷиа русумҭақәа

Асахьаҿы
Цәымҟәысба ашьха
(гора Чумкузба) ©️ Ҭенгиз Ҭарба

🔎 Дал-Ҵабал иҟоу Цәымҟәысба ашьха ахьӡ -ба ала инҵәоит, аиԥш зеиԥшу аԥсуа жәлагьы ыҟан, аха изхыз уажәшьҭа Аԥсны инхаӡом.

🧡 Ахьыуардын шәақәтәа
Please open Telegram to view this post
VIEW IN TELEGRAM
👍167
"Амшынгьы ҳәаак амоуп, аҵароуп ҳәаа змам".

🎓 Аԥсуа университет 45 шықәса ахыҵит!

Иреиҳаӡоу аҵараиурҭа аԥҵан жәабран 5, 1979 шықәсазы Аҟәатәи арҵаҩратә институт ашьаҭала. Амилаҭ телехәаԥшра аартра еиԥш, ари ахҭысгьы "Аԥсуаа рысаламшәҟәы" ҳәа изышьҭоу, амилаҭ-хақәиҭратә қәԥара алахәцәа 130-ҩык гәымшәарыла рнапы зҵарҩыз ашәҟәы иабзоурахеит.

Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет ашьақәгылара ҳаԥсадгьыл аҭоурых иузаҟәымҭхуа иадҳәалоуп: 1989 шықәсазтәи аидысларақәа, аибашьра, уи ашьҭахьтәи агәаҟҵәаҟрақәа, амамзаара уҳәа иахҭнагаз рацәоуп. Аха аамҭа уадаҩқәа раангьы аҵараиура аанкыламызт, арҵаҩцәа уалафахәыдагьы аус руан, ауниверситет ашә ҟьаҟьаӡа иаартын.

Иахьа ААУ жә-факультетк амоуп, иҭоу астудентцәа рхыԥхьаӡара х-нызқьҩык инарзынаԥшуеит, арҵаҩцәа 450-ҩык инареиҳауп, иреиӷьӡоу ҳҵарауаа уа иҟоуп. Аҵара иашьҭоу адырра бзиа ирҳартә еиԥш еиҿкаауп, еиқәыршәоуп, ихадароу аҟазшьақәа рыла адунеи астандартқәа ирыҵахом. Хьӡи-ԥшеи зманы иҩагылаз аушьҭымҭацәа шәҩыла еиқәуԥхьаӡап.

Ари нахысгьы аҿиара, аизҳара амазааит уаҵәтәи ҳамш зчаԥо ирхадароу ахәышҭаара!

🧡 Ахьыуардын шәақәтәа
Please open Telegram to view this post
VIEW IN TELEGRAM
15👍7
Амшын ихгыло "ацәҵыхәа" (смерч) ҳашьцәа азахәцәагьы иара усҵәҟьа иашьҭоуп: "хычъукӏэр" (букв.: морской бычий хвост). Иара злоу ажәаԥҟагьы рымазаап " "Шыкӏэм зигъэгусэмэ - хычъукӏэр къаӏо" (Аҽҵыхәа гәаауазар, ацәҵыхәа қшараны иҟоуп). Ари змааноу уи ауп, ҳара ҳаԥхьарца иаҩызоу рарҳәага "шыҷаԥшьын" аҽхәыц акәын иаҵырдоз ажәытәан, ианааурӷызлак абжьы ҭахәаҽны игар, амшцәгьа бааԥс ҟалоит ҳәа гәаҭаны ирыман.

Абри зырҵабыргуа, хаҭала дызлахәыз ахҭыс еиҭеиҳәеит ҩымзҟа раԥхьа аҭоурыхдырҩы Руслан Гәашьа ихатә даҟьаҿы. Иҟалеит иара 1990-тәи ашықәсқәа ралагамҭазы ԥхны мшык азы амшын иаԥну Агәои ақыҭан. Ҟабардантә иааз амилаҭ арҳәагақәа роркестр аҽны ақәгылара рыман. Ашьҭахь, ишаԥу еиԥш, ақыҭауаа аишәачара дырхиеит, асасцәа рчеиџьыка агьама дмырбакәа ирышьҭуамызт, дәы ԥшӡак аҿы атәара ҟарҵон.

Амузыкантцәа арагьы агәалаҟаразы ашәақәак адырҳәарц рҭаххазаап, аха арҳәагақәа хиомызт, инадырхха-аадырххеит, инамха-аамхеит, аха егьарундазгьы абжьы рызҭымгеит. Ари заҳаз шәышықәса ирҭысхьаз абырг Муса Алало абыржәыҵәҟьа зегь ықәыжәга, шәаргьы шәеимлыс, ашәарҭа зцу амшцәгьа бааԥс ҟалоит, ажәаԥҟа шәмаҳаци иҳәазаап. Ажәҩан ԥҭацкгьы хыршәламызт усҟан, аха аӡыш иажәа ҩбамтәкәа инарыгӡеит. Афатә-ажәтә имазеины иҟаз автобусқәа ирҭарҵеит, асасцәа иццакуаз рымҩа иқәырҵеит, шьоукгьы рыҩныҟақәа имҩахыргеит.

Сааҭки-бжаки мҵыцт рҳәон еиԥш ажәҩан аалашьцан, аԥхал хышәҭызшәа ақәаршҩы аҿаанахеит, аԥшацәгьа, афырҭын еикәагьежьт, аԥхасҭа ӷәӷәа ҟалеит, аҵлақәа хжәеит, аӡқәа хыҵт, ацҳақәа агеит, аԥсшьаҩцәа рыбжьара аԥсыҭбарақәагьы маҷмызт. Зажәа ԥхылдахаз абырг згәы зҽаниҵаз рахьтә уаҩы ԥырхага имоуит.

🧡 Ахьыуардын шәақәтәа
Please open Telegram to view this post
VIEW IN TELEGRAM
10👍10
Ҭырқәтәылатәи аԥсуаа рҳәамҭақәа рҟынтә. Автор, аиқәыршәаҩ Владимир Аҩӡба

***
Баснык-иԥа Есыф алафҳәара бзиа ибон. Амала ииҳәоз аиҳарак мцын. Зегь реиԥш иаргьы акаҳуажәырҭахь днеиуан. Еидтәалаз зегьы акака анырҳәа, иаргьы акы нарыласыжьп игәыхәын, "сынтәа аӡынра слеи сареи ҳзы даара ибрақьаҭын, 99 жьа снаршьит" иҳәеит.
– Уара, шәкы умҳәо, иушьыз ажьақәа рцәақәа ҳарба ҳәа уаҳкыр ҳәа ушәома? – иҳәеит, жьа заҵәыкгьы ахаан ишимшьыцыз здыруаз игәыла Маҳмуҭ.
– Жьа заҵәык азы шәсызжьом, – иҳәеит Есыф.

***
Аԥсара ҳәа иахьашьҭаз аԥсыуак дәқьанк ааиртит. Ала абз ҟәыкратәы [хәтәратәы] ишоуроуп, аха ауаа агәаран ақәгылоуп. Аӡәы ашә, аӡәы акәац, ҽаӡәы ахәша ааихәоит. Ԥҳәыскгьы аԥхӡы лҿашы дрылагылоуп.
– Аҳкәажә, бара ибҭахузеи, бгәы зынхьуази? – ҳәа длазҵааит аҭиҩы.
– Сара акгьы сҭахӡам, абна иқәу амалқәа рахьтә акы ахьыӡ "аиран" ҳәа иануп, аԥсышәала уи "аӡыршла" ахьӡуп. Убри уриашар сҭахуп лҳәеит.

Џьевдет Ашәымхәаа иҳәамҭоуп.

***
Кадыр иԥшәма димҵҵашшуан: "Анкьа иусҭалак ухәы абжа сара исуҭалон, уаазқәылаз, уаҟәыҵит, угәы сыхшәама?" – ҳәа. "Мамоу, еиҳагьы бзиа бызбоит, аха баазқәылаз ахәыҟаҵашьа бҵеит", – иҳәеит Кадыр.

Кадыр Аӡынба иҳәамҭоуп

***
Аҳәынҭқарраҿы хыла-гәыла ианеилала, аҳәынҭқар ипатрет ахькнаҳаз аҭӡы днадгылан, исахьа дазҵааит: "Ҳусқәа шбаҟалап зыугәыхәуази?" – ҳәа. "Сара сыкнырхып, аха уара укнарҳауеит, – аҳәеит асахьа.

🧡 Ахьыуардын шәақәтәа
Please open Telegram to view this post
VIEW IN TELEGRAM
👍114❤‍🔥3🤗1
Ахьыуардын
Адгьыл зегь агәалашәоит 🌍 Ажәлақәа ирхылҿиааз, гәыҩбара зцым (ҳгәанала) аҭыԥхьыӡқәа: Мгәыӡаа – Мгәыӡырхәа Ҟәланаа – Ҟәланырхәа Аҭеиаа – Адеигәа́ра (Аҭеиаа ргәара) Блабаа – Блабырхәа Бармышьаа – Бармышь Баӷаа – Баӷрыԥсҭа Лыӡаа (Лоуаа) – Лӡаа; Мӡаа Лоуаа…
Шәызҵаарақәа

Ажәа ахы умҳәакәа аҵыхәа узҳәом. Уажә ааигәа еилаҳкааит Ахьыуардын аԥхьаҩцәа рхыԥхьаӡараҿы дшыҟоу Цәынды зыжәлоу аҳҷыԥсы ҷкәын, (аԥсшәа цқьаӡаны иҳәоит, уеигәырӷьап). Ажәлақәа ирхылҿиааз аҭыԥхьыӡқәа ҳахьрылацәажәоз "Ҵәындырҭа́" аӡбахә цәыригеит, издыруада, Цәындаа ирыдҳәалазар ҳәа. Ҳашьҭалеит.

Аҷандаратәи аҟәышдыр, асахьаҭыхҩы Уасил Мхонџьиа: "Сара ишсаҳахьоу ала, ари аҭыԥхьӡ Ҵәындры́ аӡы иахылҿиааит", – иҳәеит. Иара хәыҷуп, Ҿбаара иалалоит арымарахьала, Абӷархықәи Аҷандареи рҳәааҿы. Ахы ыҵнахуеит Чбалдыхә ҳәа иахьашьҭоу, ахахьы маҷк иҵәыҵәуп. Ҳгәы азҩон ҳаргьы, аха ишьақәырӷәӷәаны иазгәеиҭоит Аԥсны атопонимика ҭызҵааз абызшәдырҩы Валери Кәарҷиа ишәҟәаҿы.

Иҭабуп ҳәа лаҳҳәоит аҭак аԥшаараҿы ацхыраара ҟазҵаз ҳколлега Мадина Ҳагԥҳа 🤗

UPD: Аӡиас ахьӡ ааигәа-сигәа аҭыԥ иаххалоны даара ирацәаны иаҳԥылоит Аԥсны, хықәкыла аҷандараа ҳгозар, Ӡыбзыр рымоуп: иагьӡуп, иагьҳаблоуп. Ажәлар ретимологиала, "узырбзо аӡы" (оживляющая целебная вода) аанагоит. Аԥсуаа жәытәаахыс ӡыла аҽыхәшәтәра рдыруан. Аԥсны ихәыҵыҵуа аӡҵәыҵәқәа рхыԥхьаӡара 170 инарзынаԥшуеит.

🧡 Ахьыуардын шәақәтәа
Please open Telegram to view this post
VIEW IN TELEGRAM
👍195❤‍🔥3
Аԥсны Жәлар рартистка, Аԥсуа ҟармаҵыс Лиудмила Лагәуаԥҳа диижьҭеи иахьа 85 шықәса ҵит.

Лиудмила Андреи-иԥҳа – раԥхьатәи аԥсуа профессионалтә оператә шәаҳәаҩы, Киев аҳәынҭқарратә консерваториа далгеит, Москва Большои театр аҟны лԥышәа азлырҳауан, 1972 шықәса инаркны Аԥсуа филармониаҿы солисткас аусура далагеит.

Абжьы цқьа лхан, ҩбеи бжаки октава зымҽхакыз алирика-колоратуратә сопрано, ԥшшәыла иҩычазар еиԥш иԥшӡан ихааӡа угәы иҭалоз лыбжьы. Ажәлар бзиа дбаны "Аԥсуа ҟармаҵыс" ҳәа ахьӡ лхырҵеит. Иуадаҩӡаз ариақәа налыгӡон лыбжьы еицакрак ақәымкәа. Уи анахыс, ԥсабарала илылаз артистизми лаамсҭашәареи уамашәақәа асцена ианаалон, ахәаԥшцәа хнамхыр ауамызт.

Лиудмила Лагәуа аԥсуа милаҭ ашәақәа аоператә ҳәашьала ауаа рлымҳаҿы иназго иалагаз дыруаӡәкуп. Раԥхьатәи аԥсуа опера "Аламыс" аҟны апартиа хада налыгӡон, иара убас аспектакльқәа "Травиата", "Царская невеста", "Севильский цирюльник" уҳәа рҟны.

Аԥсны жәлар рџьынџьтәылатә еибашьра лқыҭа гәакьа Ԥақәашь илхылгеит, аибашьцәа ргәы шьҭылхуан, ашәақәа рзылҳәон. Аҭынчра аамҭа аныҟала ауаажәларратә усқәа дрылагылеит, ирацәаны аҿар аус рыдылулон, Аҟәатәи амузыкатә ҵараиурҭаҿы дырҵаҩын, лыҩнгьы абаҩхатәрақәа еиҵалааӡон, уимоу, луаҭах аҟны амузыка абзиабаҩцәа рзы асалон еиҿылкааит. Уаҟа имҩаԥысуаз арҿиаратә хәылԥазқәа иахьа уажәраанӡагьы ргәы иҭымҵәо иҟоуп ирҭаауаз. Ачеиџьыка змаз, зыблақәа хтыз, згәы аартыз, зхы-зҿы еихаччоз аԥшәыман лара.

Лиудмила Андреи-иԥҳа лхаҭагьы амузыка аԥылҵон, аԥсуа поетцәа ражәеинраалақәа ашәақәа рылылхуан, авторс дызмаз алирикатә романсқәа еиуеиԥшым аконцертқәа раан лҵаҩцәа гәыбылрала инарыгӡон.

Лиудмила Лагәуа Анцәа абаҩхатәра ссир лылеиҵеит, иҟалҵоз зегьы аҟазара агыдраҿы иҩаӡон, лџьабааи, лԥышәа ҳараки, лыуаҩреи наунагӡа аԥсуа культура иазынхоит. Хашҭра лықәымзааит!

🧡 Ахьыуардын шәақәтәа
Please open Telegram to view this post
VIEW IN TELEGRAM
👍114🙏1
Аԥсны Жәлар рартист, ашәаҳәаҩ, акәашаҩ, ахореограф Анри Ферзба ҳидныҳәалоит иахьа – 70 шықәса ихыҵит.

Ферызаа рыӡбахә змаҳац, рҟазара ашәахәақәа зхьымсыц аԥсыуак дыҟамзар ҟалап, дара рҭаацәаратә ансамбль Аԥсны анҭыҵгьы ирдыруан, хьӡи-ԥшеи арҳахьан. Иахьанӡа ари атрадициа еиқәырханы иааргоит, ԥхьаҟагьы ишеихарҳауа азы гәыҩбара ыҟам.

Анри Ферзба Аҟәатәи акультуратә-ҵаралашаратә ҵараиурҭа далгеит, 25 шықәса аҳәынҭқарратә ансамбль "Шьараҭын" аҟны дкәашон, дсолистын, ансамбль дацны адунеи азбжак дакәшахьеит. Иара уи аамҭазы хореографс аус иуан, аԥсуа милаҭ кәашарақәа ықәиргылон, цәала-жьыла, гәаҭала дызтәу ажәлар рдоуҳа иалиааиз аҿыцрақәа алагалауа.

Дызхылҵыз реиԥш иаргьы абжьы бзиа ихоуп, ҟазарала аԥсуа жәлар рашәақәа наигӡоит, далоуп Аԥсны зҽаԥсазтәыз ашәаҳәареи акәашареи рансамбль, Москва адиаспораҿы иаԥҵаз аетнографиатә ахацәа рхор. Шықәсырацәала Аҟәатәи аҳәынҭқарратә акультуратә ҵараиурҭаҿы аус иуеит, акультура иаҵагылаша аҿар еиҵазааӡо дыруаӡәкуп. Агәабзиара, анҵыра рацәа, агәырӷьарақәа иаҭәашьазааит!

Аиубилиар арадио Sputnik дсасны даҭан, иқәра ҿыц дшазыҟоу еиҭеиҳәеит, акультура далацәажәеит, шәизыӡырҩырц шәылшоит абра>>

🧡 Ахьыуардын шәақәтәа
Please open Telegram to view this post
VIEW IN TELEGRAM
👍122
Ахьыуардын
Аԥсны Жәлар рартист, ашәаҳәаҩ, акәашаҩ, ахореограф Анри Ферзба ҳидныҳәалоит иахьа – 70 шықәса ихыҵит. Ферызаа рыӡбахә змаҳац, рҟазара ашәахәақәа зхьымсыц аԥсыуак дыҟамзар ҟалап, дара рҭаацәаратә ансамбль Аԥсны анҭыҵгьы ирдыруан, хьӡи-ԥшеи арҳахьан. Иахьанӡа…
This media is not supported in your browser
VIEW IN TELEGRAM
📌 Ажәа бзиоуп

Ахапа́ – запев; соло; высокий первый голос

Ашәа ахы зкуа, бжьы пала аӡәы иаацәыриго ажәақәа, ҩ-шьаҭак реилаларала ишьақәгылеит: ахы́ + апа́. Ари ажәа асиноним амоуп – ахкы́. Ахапаҳәаҩы́, ахкы́нагӡаҩ – запевала; солист, "ахкынагӡаҩ" акәашарахьгьы идырхалоит, аха изызкыҵәҟьоу ашәоуп.

Аԥсуа жәлар рашәаҳәареи рыкәашареи анеицу рацәоуп, акеҩҳәа ахапа ҭзырҟьаз ихаҭа кәашара далҵыр ҟалоит, усҟан ахапаҳәаҩцәа еибадырны рҽырыԥсахуеит, ма ахор иацдырӷызуеит, ашәа зеиԥшроу еиԥш. "Аураашьа" аҿы икәашогьы, ирыкәшаны игылоугьы рефренҵас иара убри ажәа еиҭарҳәон қьабзтә кәашараны ианыҟаз аахыс.

Аԥсшәаҿы ажәеи ашәеи ирыцааиуа ҟаҵарбак ауп – "аҳәара" (ажәа зҳәо, ашәа зҳәо, ахкы зҳәо // ахапа зҳәо), ашәаҳәара – букв.: "выговорить песню", амузыкаҭҵааҩ Аида Ашьхаруа лгәаанагарла, аригьы иаҳнарбоит аԥсуаа ҳҿы ашәа аира ажәытәӡа ишаларсу. "Ажәа аныҟам ашәа нҵәароуп" иҳәахьан Шьынқәбагьы.

📖

Бас – абжьгәа́ҩа
Фальцет – абжьпа́, абжьы́ркьыкь

🧡 Ахьыуардын шәақәтәа
Please open Telegram to view this post
VIEW IN TELEGRAM
👍163
Ашшаӷьыч сынтәа ашша аӷьычра ақәымшәазар ҟалап, ҳаӡын ҟәанданы имҩасуеит, џьара-џьара сы хәҷык леизаргьы ишьҭамгылаӡеит.

Абжьааԥны амаҵақәа рыла ичо ари аҵыс ԥшӡа ахьҭақәа раан, аҷыхь бааԥс анаҿоу афатә иашьҭаланы ауаҩы инхара аҽазааигәанатәуеит, аца инҭасыргьы цәгьа иабом. Абызшәадырҩы Ева Ҭаниа аԥсаатәқәа ирызку лыстатиа ссирк ҳаԥхьеит ааигәа, убра илыҩуеит: "ашшаӷьыч ашша аӷьычуеит, ашә, арыц бзиа иабоит, акәац хшьызар инадтәаланы иафоит, еиҳарак ашша иазгагоуп" ҳәа. Линформантцәа зуаҩыбжара иҭысхьоу қыҭауаауп 🛖🌾

Арахәааӡара знапы алакыз аԥсуаа ашша (животный жир, сало) рымҵәомызт уеизгьы, ари аҵыс аҟазшьақәа баны ахьӡ арҭеит. Адиалект вариантқәа иаҳзыԥшааз рҿгьы ашьагәыҭ еиқәхоит: ашшаӷьынҷ (бз., абжь.), ашышырӷьыч (саӡ.)

Ашшаӷьыч агәышҵа ҩежьӡа ашша ахьшьушәагьы иҟоуп хазы. Егьырҭ ажәлантәқәагьы рыхьӡқәа шырнаало шәахәаԥш:

Ашшаӷьы́ч – синица большая;
Ашшаӷьы́ч иаҵәа – лазоревка;
Ахаԥа́рч – синица хохлатая;
Аҵиуҵи́у – синица длиннохвостая;
Ахәысхәы́р – синица-пухляк;
Аԥаҵақьа́ла – синица усатая

🔸 Игәы ашша кыдуп – он пышет здоровьем;
🔸 Ашша (арашы) алхны иуиҭоит – он очень скуп.

Ашәарыцаратә бызшәала "ашша" иаанагоит аҵаа.

Ахыҵхырҭа: Владимир Касланӡиа. Аԥсуа-аурыс жәар, 2005

#аԥсаатәқәа

🧡 Ахьыуардын шәақәтәа
Please open Telegram to view this post
VIEW IN TELEGRAM
Please open Telegram to view this post
VIEW IN TELEGRAM
👍23🔥42