🌽 Аҩ иаҩуеит, ах иахуеит, аԥсҭа гәаҩа иҭанаԥсоит.
Алу – ауаҩы ииӡбаз, ихы иаирхәаз амаругақәа иреиуоуп. Аԥсуаа ҳакәзар "Алу ашәагьы" аԥаҳҵеит. Ҳабдуцәа рхаан аӡлагара аӡыхкырақәа рҿы аԥсыӡгьы ркуан, убас ибарақьаҭын ҳаԥсабара.
Иахьа шьҭа афымца ӡлагарақәа роуп иҟоу, уи аҟнытә аӡлагара атерминқәа хәыҷы-хәыҷла ҳбызшәа иалҵуеит. Аха ақьаад аҿы еиқәхаз рацәоуп. Аҵыхәтәантәи ҩ-ажәак рҵакы ҳзеилымкаакәа иаанхоит, иҳаҵашәҳәозар ишәџьаҳшьоит😊
А́лу – жернов
Алурҟьанта́ (алуҟьанта́) – рукоять верхнего жернова
Акәыкәымса́г (алукәа́га) – отбойник для жерновов
Ахәы́ла (а́лумҵәышә) – ящик для зерна, висящий над жерновами
А́луҭаҩа - мельничный лар (куда сыплется мука)
Ачарӷәы (ача́рӷә) – деревянный совок; фанера
Аны́га – деревянная чашечка
Акәара́з – самшитовые пластинки
Алугәҵәы́ – вертикальный вал
Алы́ра – ось
Аԥарԥы́та – зубец (аӡлагара агьежь иамоу)
Амыргә – обойма
Ақәыргы́ла – подставка
Аҽада́ – "ослик"
Аӡыхкы́ра – водозабор
Аӡы́шьҭра – водосброс
А́иаҳәа – ящик для муки
Аҭәырӷәы́ – большой деревянный совок
Абчы́ҟә – мера сыпучих тел (16 кг)
Алаӷа
Абаџьхы́хга
Ианҵоуп Ҟасҭеи Арсҭаа иҳәамҭаны Уаҭхара, 1966 ш., Инна Ҳашԥҳа лматериалқәа рҟынтә.
Афольклор аҟынтә:
Аӡлагара ахәла ҭацәыр,
Алу еибафо иалагоит.
Ауаҩы имгәа ҭацәыр,
Агәамҵра далагоит.
Алуча́ – хлеб домашней выпечки в форме жернова
Алумгьал – жерновообразный чурек
Афото Есма Ҭодуа илтәуп.
🧡 Ахьыуардын шәақәтәа
Алу – ауаҩы ииӡбаз, ихы иаирхәаз амаругақәа иреиуоуп. Аԥсуаа ҳакәзар "Алу ашәагьы" аԥаҳҵеит. Ҳабдуцәа рхаан аӡлагара аӡыхкырақәа рҿы аԥсыӡгьы ркуан, убас ибарақьаҭын ҳаԥсабара.
Иахьа шьҭа афымца ӡлагарақәа роуп иҟоу, уи аҟнытә аӡлагара атерминқәа хәыҷы-хәыҷла ҳбызшәа иалҵуеит. Аха ақьаад аҿы еиқәхаз рацәоуп. Аҵыхәтәантәи ҩ-ажәак рҵакы ҳзеилымкаакәа иаанхоит, иҳаҵашәҳәозар ишәџьаҳшьоит
А́лу – жернов
Алурҟьанта́ (алуҟьанта́) – рукоять верхнего жернова
Акәыкәымса́г (алукәа́га) – отбойник для жерновов
Ахәы́ла (а́лумҵәышә) – ящик для зерна, висящий над жерновами
А́луҭаҩа - мельничный лар (куда сыплется мука)
Ачарӷәы (ача́рӷә) – деревянный совок; фанера
Аны́га – деревянная чашечка
Акәара́з – самшитовые пластинки
Алугәҵәы́ – вертикальный вал
Алы́ра – ось
Аԥарԥы́та – зубец (аӡлагара агьежь иамоу)
Амыргә – обойма
Ақәыргы́ла – подставка
Аҽада́ – "ослик"
Аӡыхкы́ра – водозабор
Аӡы́шьҭра – водосброс
А́иаҳәа – ящик для муки
Аҭәырӷәы́ – большой деревянный совок
Абчы́ҟә – мера сыпучих тел (16 кг)
Алаӷа
Абаџьхы́хга
Ианҵоуп Ҟасҭеи Арсҭаа иҳәамҭаны Уаҭхара, 1966 ш., Инна Ҳашԥҳа лматериалқәа рҟынтә.
Афольклор аҟынтә:
Аӡлагара ахәла ҭацәыр,
Алу еибафо иалагоит.
Ауаҩы имгәа ҭацәыр,
Агәамҵра далагоит.
Алуча́ – хлеб домашней выпечки в форме жернова
Алумгьал – жерновообразный чурек
Афото Есма Ҭодуа илтәуп.
Please open Telegram to view this post
VIEW IN TELEGRAM
👍11❤6
Аҳа́рҩа – мҩақәҵагоуп, ахра уаҿызго хаҳәуп.
(Аӡбахә бзианы иҳәоит Аԥсны Жәлар рышәҟәыҩҩы Алықьса Гогәуа, анаҩстәи ҳанҵамҭақәа рҿы ҳазааҭгылоит).
Аҳа́рҩа ахьӡуп Дал-Ҵабал иҟоу ашьхагьы, уи аҳаракыра 2523 метра инаӡоит, ахалара даараӡа иуадаҩуп.
Аҳарҩа иахьаҵанакуа иҟоуп Ар ахьеибашьыз ҳәа изышьҭоу ашьхаҭыԥ. Еибашьрас ара иҟаз ахҵәара иадҳәалоу ахҭысқәа ракәхап. Ишдыру еиԥш, амҳаџьырра ҟалаанӡа Дал-Ҵабал ажәлар рацәаҩны инхон.
Дара Дали Ҵабали ршара Амтҟьал ауп. Амтҟьал ахахьы Џьына ҳәа иашьҭан. Убри Џьына аҩада – Далын, алада – Ҵабалын.
Ааигәа-сигәа иҟақәоу ашьхақәа: Қәабчара, Цәымҟәысба (Чумкузба), Азанҭа (Ҵабал иатәуп), Адәыҩада, Кабишьха, Доуч, Соуиԥсара, Ламкац, Кәыниашҭа.
Дал-Ҵабал нахыс Абгалаҳәара алагоит, анаҩс – Аҳҷыԥсы, наҟ Барӷана. Барӷана шәарыцара ианцоз Багада ацҳа иқәсуан.
Афото: Аӡиа Амтҟьал аҳауаҟынтә, Ишьхатәылоу Аԥсны

❤7👍5🔥2
Ԥшьаԥ, Хәаԥ, Бзыԥ, Гарԥ, Гәараԥ, Гәыԥ, Хьыхьаԥ, Асԥа еицырзеиԥшу анҵәамҭа рымоуп -ԥ, ари аморфема аҵакқәа руак хыхь ҳазааҭгылахьан: "аԥхьа", "амԥан".
Бзыԥ ахьӡ аетимологиас иахьа еицырдыруа -ԥ "а́ԥара" аҟынтә иаауеит ҳәоуп. Апрофессор Виачеслав Чрыгба ажәытә аԥсшәаҟынтә ареконструкциа ҟаиҵеит "Бӡы́-ԥа" ҳәа (прыгучая вода). "Бӡы" (вода) аԥсшәаҿы "аӡы" ҳнаҭеит, аубых бызшәаҿы "бзы".
Шәахәаԥш, аубых ӡиасқәа рыхьӡқәа шеиҿкаау: Бзыгә (иахьатәи аԥсшәала Ӡыгәҭа), Бзыч, Бзныч, Бзогәа, Бзид.
Аха уаанӡа бзыԥтәи адилект ҭызҵаауаз абызшәадырҩы Хәыхәыт Бӷажәба ишиҩуаз ала, -ԥ ара иаанаго "устье реки" ауп. Абасала, иара иверсиа инақәыршәаны, аҭыԥхьыӡ аӡиас иахьӡхеит.
Ҿырԥшысгьы иааигоит аԥсуа-адыга ҭоурыхтә дгьылқәа ртопонимика Афыԥсыԥ (устье реки Афипс), Лабаԥ (Усть-Лабинская),Улаԥ, Маиҟәаԥ, Анаԥа.
Аурыс хсаалақәа рҿы иарбоу адыга ӡиасқәак: Ашампэ, Буапэ, Берендуапь, Казиап. Абарҭ зегь ыԥаларызу?
Атопонимика аҟара аҭоурых зныԥшуа даҽа хырхарҭак ыҟамзар ҟалап абызшәадырраҿы, избанзар ажәытәра еиқәнархоит, уи аҭҵаареи аиҿырԥшрақәеи лымкаала аинтерес рыҵоуп. Уажәи-уажәи ҳазыхынҳәлоит🧐
🧡 Ахьыуардын шәақәтәа
Бзыԥ ахьӡ аетимологиас иахьа еицырдыруа -ԥ "а́ԥара" аҟынтә иаауеит ҳәоуп. Апрофессор Виачеслав Чрыгба ажәытә аԥсшәаҟынтә ареконструкциа ҟаиҵеит "Бӡы́-ԥа" ҳәа (прыгучая вода). "Бӡы" (вода) аԥсшәаҿы "аӡы" ҳнаҭеит, аубых бызшәаҿы "бзы".
Шәахәаԥш, аубых ӡиасқәа рыхьӡқәа шеиҿкаау: Бзыгә (иахьатәи аԥсшәала Ӡыгәҭа), Бзыч, Бзныч, Бзогәа, Бзид.
Аха уаанӡа бзыԥтәи адилект ҭызҵаауаз абызшәадырҩы Хәыхәыт Бӷажәба ишиҩуаз ала, -ԥ ара иаанаго "устье реки" ауп. Абасала, иара иверсиа инақәыршәаны, аҭыԥхьыӡ аӡиас иахьӡхеит.
Ҿырԥшысгьы иааигоит аԥсуа-адыга ҭоурыхтә дгьылқәа ртопонимика Афыԥсыԥ (устье реки Афипс), Лабаԥ (Усть-Лабинская),Улаԥ, Маиҟәаԥ, Анаԥа.
Аурыс хсаалақәа рҿы иарбоу адыга ӡиасқәак: Ашампэ, Буапэ, Берендуапь, Казиап. Абарҭ зегь ыԥаларызу?
Атопонимика аҟара аҭоурых зныԥшуа даҽа хырхарҭак ыҟамзар ҟалап абызшәадырраҿы, избанзар ажәытәра еиқәнархоит, уи аҭҵаареи аиҿырԥшрақәеи лымкаала аинтерес рыҵоуп. Уажәи-уажәи ҳазыхынҳәлоит
Please open Telegram to view this post
VIEW IN TELEGRAM
👍12❤3🔥3
This media is not supported in your browser
VIEW IN TELEGRAM
Иашҭхәа иахьа ашьыжь аӡын сахьа шьҭнахит.
Асы зҭахыз ҳаҟамзи, иҳазлеира иҟоуп❄️
🔎 Иашҭхәа – Кавказ иахьаҵанакуа раԥхьаӡатәи ауаа ртәарҭақәа ируакуп. Ахьӡ аԥсышәоуп, Иашаа (Ешбақәа) рхәы (рқыҭа) аанагоит.
🧡 Ахьыуардын шәақәтәа
Асы зҭахыз ҳаҟамзи, иҳазлеира иҟоуп
Please open Telegram to view this post
VIEW IN TELEGRAM
👍10❤2🔥2
This media is not supported in your browser
VIEW IN TELEGRAM
Ари Риҵаҟа амҩа☃️
Ҳаԥхьаҩцәа иаҳзаарышьҭит, иҭыхуп убыржәыҵәҟьа.
Аӡын ҳшаҿу, аҵаара (замерзать) ажәа иаанаго шәҳәозар?
"Аҵ аара" – приход сюда (вырастание) дна. Амасдар аҵаара иахылҵит аҵаа (лед, мороз) ахьӡгьы [Р.П. Шамба].
Асеиԥш ишьақәгылоу иҵегь ажәақәа: агәаа-хаара (обижаться), ацәаара (силуэт), ашьацаара (вырастание травы), ашьаара (кровотечение).
Шәаргьы иацышәҵа.

👍18👏3❤2
Баграт Шьынқәба ихьӡ зху аԥсшәа арҿиара афонд иԥсабаратәым аинтеллект ҳабызшәа адырҵоит.
Убас, иахьазы 100 нызқь ҳәоу асистема иҭагалоуп. Ари зегь зыҟарҵо акы – абызшәа зҵо рырманшәаларазы, ҩбагьы – аинтернет ала ажәақәа мацара ракәым, аҳәоуқәагьы шеибгоу реиҭагара алыршахарц.
Ҳәарада, онлаин-аиҭагақәа рхархәашьа зынӡа вба узамҭо иҟаӡам, зегь реиҳа иҿиоу англыз бызшәа ҳгозаргьы, аха раԥхьатәи шьаҿак аҳасабала ари ус дуӡӡоуп. Раԥхьаҟа ргәы иҭоуп миллионк аҳәоуқәа рҭагалара.
Аиҿырԥшразы: ҩ-томкны иҟоу аԥсуа-аурыс жәар 30 нызқь инареиҳаны ажәа агәылоуп. Иахьеи-уахеитәи ҳаԥсҭазаараҿы иҳазхоит 3-4 нызқь.
Аурыс литературатә бызшәа 150 нызқь ажәа алоуп, аха ацәажәаратә бызшәа 5-6 нызқь ирҭаӡоит.
Афото аҟны иахьатәи аԥсуа алфавит.
🧡 Ахьыуардын шәақәтәа
Убас, иахьазы 100 нызқь ҳәоу асистема иҭагалоуп. Ари зегь зыҟарҵо акы – абызшәа зҵо рырманшәаларазы, ҩбагьы – аинтернет ала ажәақәа мацара ракәым, аҳәоуқәагьы шеибгоу реиҭагара алыршахарц.
Ҳәарада, онлаин-аиҭагақәа рхархәашьа зынӡа вба узамҭо иҟаӡам, зегь реиҳа иҿиоу англыз бызшәа ҳгозаргьы, аха раԥхьатәи шьаҿак аҳасабала ари ус дуӡӡоуп. Раԥхьаҟа ргәы иҭоуп миллионк аҳәоуқәа рҭагалара.
Аиҿырԥшразы: ҩ-томкны иҟоу аԥсуа-аурыс жәар 30 нызқь инареиҳаны ажәа агәылоуп. Иахьеи-уахеитәи ҳаԥсҭазаараҿы иҳазхоит 3-4 нызқь.
Аурыс литературатә бызшәа 150 нызқь ажәа алоуп, аха ацәажәаратә бызшәа 5-6 нызқь ирҭаӡоит.
Афото аҟны иахьатәи аԥсуа алфавит.
Please open Telegram to view this post
VIEW IN TELEGRAM
🔥12👍7👏6
Ахьыуардын
Аԥсуа театр аҿы хара имгакәа апремиера ҟалоит! Аспектакль "Агәхыхҩы" (Ловелас), иқәиргылоит Аԥсны зҽаԥсазтәыз акультура аусзуҩ Адгәыр Ақаҩба. Ароль хада наигӡоит Аԥсны зҽаԥсазтәыз артист Ҭеимыраз Чамагәуа, афырԥҳәызба лроль – актриса Амра Наҷьҟьебиаԥҳа…
Уаанӡа, иааиуа ашәахьаҽны Аҿар ртеатр "Аԥсҭазаара ахаҿсахьа" ҳәа зеиԥш зыхьӡыс измоу аминиатиурақәа ҳдырбоит.
Асценаҿы рыԥсы ҭалараны иҟоуп Шоҭа Ҷкадуа, Шьалодиа Аџьынџьал, Таиф Аџьба рҩымҭақәа ирылху ақәыргыламҭақәа.
Алшара змоу ишәаҩшәмыжьын!
Please open Telegram to view this post
VIEW IN TELEGRAM
👍15🔥4
"Азахә ԥша" закәу жәдыруазар?
Final Results
21%
Северный ветер
17%
Западный ветер
35%
Ласковый ветер
27%
Почет, авторитет
👍12🤯1
Азахә – черкес
Азахә ҭыԥҳа – черкешенка
Азахә ҽыжәла – кабардинская лошадь
Азахә икәымжәеиԥш зегьы дырнаалоит – покладистый (досл.: подходит всем как черкеска черкеса)
Асахьа: Фредерик Артур Бриџьмен "Азахә ҭыԥҳа", 1881 ш.
Please open Telegram to view this post
VIEW IN TELEGRAM
👍12❤6🤩2🔥1
Адгьыл зегь агәалашәоит 🌍
Ажәлақәа ирхылҿиааз, гәыҩбара зцым (ҳгәанала) аҭыԥхьыӡқәа:
Мгәыӡаа – Мгәыӡырхәа
Ҟәланаа – Ҟәланырхәа
Аҭеиаа – Адеигәа́ра (Аҭеиаа ргәара)
Блабаа – Блабырхәа
Бармышьаа – Бармышь
Баӷаа – Баӷрыԥсҭа
Лыӡаа (Лоуаа) – Лӡаа; Мӡаа
Лоуаа – Лоо
Шәачаа – Шәача
Арыдаа – Арыдлар (Адлер)
Гәбаа – Гәбаадәы
Кәыдаа – Кәыдаԥсҭа
Гьачаа – Гьачрыԥшь
Цандаа/Цанбақәа – Цандрыԥшь
Чрыгаа – Чрыгрыԥшь (→ Чыгрыԥшь)
Жәандаа/ Ажәанбақәа – Жәандрыԥшь
Мқьалаа – Мқьалрыԥшь
📜 Ажәлар рҳәамҭақәа рҿы иаҳԥыло ажәлақәа:
Самахьхәаа – Самеговы, аҭоурыхтә-фырхаҵаратә ашәақәа ирылоуп
Аиныраа
Аӷәырлаа
Гьагәаа (ижьицәан)
Ларсаа // Ларсанаа
Кьамачаа
Ҟлычаа (ашәуаа рҿы иҟоуп)
Ҳәмараа (Ҭырқәтәыла иҟоуп)
Џыраа (Аӡынаа рабиԥароуп, ашәуаа рҿы – Жировы)
Ахыҵхырҭа: Шьалуа Инал-Иԥа, Хәыхәыт Бӷажәба, Валери Кәарҷиа русумҭақәа
Асахьаҿы Цәымҟәысба ашьха (гора Чумкузба) ©️ Ҭенгиз Ҭарба
🔎 Дал-Ҵабал иҟоу Цәымҟәысба ашьха ахьӡ -ба ала инҵәоит, аиԥш зеиԥшу аԥсуа жәлагьы ыҟан, аха изхыз уажәшьҭа Аԥсны инхаӡом.
🧡 Ахьыуардын шәақәтәа
Ажәлақәа ирхылҿиааз, гәыҩбара зцым (ҳгәанала) аҭыԥхьыӡқәа:
Мгәыӡаа – Мгәыӡырхәа
Ҟәланаа – Ҟәланырхәа
Аҭеиаа – Адеигәа́ра (Аҭеиаа ргәара)
Блабаа – Блабырхәа
Бармышьаа – Бармышь
Баӷаа – Баӷрыԥсҭа
Лыӡаа (Лоуаа) – Лӡаа; Мӡаа
Лоуаа – Лоо
Шәачаа – Шәача
Арыдаа – Арыдлар (Адлер)
Гәбаа – Гәбаадәы
Кәыдаа – Кәыдаԥсҭа
Гьачаа – Гьачрыԥшь
Цандаа/Цанбақәа – Цандрыԥшь
Чрыгаа – Чрыгрыԥшь (→ Чыгрыԥшь)
Жәандаа/ Ажәанбақәа – Жәандрыԥшь
Мқьалаа – Мқьалрыԥшь
📜 Ажәлар рҳәамҭақәа рҿы иаҳԥыло ажәлақәа:
Самахьхәаа – Самеговы, аҭоурыхтә-фырхаҵаратә ашәақәа ирылоуп
Аиныраа
Аӷәырлаа
Гьагәаа (ижьицәан)
Ларсаа // Ларсанаа
Кьамачаа
Ҟлычаа (ашәуаа рҿы иҟоуп)
Ҳәмараа (Ҭырқәтәыла иҟоуп)
Џыраа (Аӡынаа рабиԥароуп, ашәуаа рҿы – Жировы)
Ахыҵхырҭа: Шьалуа Инал-Иԥа, Хәыхәыт Бӷажәба, Валери Кәарҷиа русумҭақәа
Асахьаҿы Цәымҟәысба ашьха (гора Чумкузба) ©️ Ҭенгиз Ҭарба
Please open Telegram to view this post
VIEW IN TELEGRAM
👍17🔥3
This media is not supported in your browser
VIEW IN TELEGRAM
Риҵа асы еиқәнажьит, иеилаҳауа аӡәыр шәыҟазар🌨
❕ Асы́ – ашьҭыбжьҿыԥшратә ажәоуп (звукоподражательное слово).
Ус иҟоу ажәақәа рацәаны иҳамоуп: -ԥс'ы (вода), адыд (гром), агәыр-гәыр, ахьхьа-хьхьа, аҷҷа-ҷҷа, кәаԥ-кәаԥ, кәарма-кәарма, Пыв (аӡбаарақәа амоуп, уанныҟәо ушьапышьҭыбжь абас игоит [В. Кәарҷиа].
Аԥсны аҳауагәаҭаҩцәа ишаарыцҳауа ала, арҭ амшқәа ашьхарахь асы аулоит, ашьха ашьапаҿы – ақәабаа-сабаа, ага ашәшьы хылоит, иналак-аалакны ақәа леиуеит.
Аҳауаԥхарра уахынла ⬇️-2 ⬆️+ 3°С, ҽынла ⬇️+1 ⬆️+6°С.
🧡 Ахьыуардын шәақәтәа
Ус иҟоу ажәақәа рацәаны иҳамоуп: -ԥс'ы (вода), адыд (гром), агәыр-гәыр, ахьхьа-хьхьа, аҷҷа-ҷҷа, кәаԥ-кәаԥ, кәарма-кәарма, Пыв (аӡбаарақәа амоуп, уанныҟәо ушьапышьҭыбжь абас игоит [В. Кәарҷиа].
Аԥсны аҳауагәаҭаҩцәа ишаарыцҳауа ала, арҭ амшқәа ашьхарахь асы аулоит, ашьха ашьапаҿы – ақәабаа-сабаа, ага ашәшьы хылоит, иналак-аалакны ақәа леиуеит.
Аҳауаԥхарра уахынла ⬇️-2 ⬆️+ 3°С, ҽынла ⬇️+1 ⬆️+6°С.
Please open Telegram to view this post
VIEW IN TELEGRAM
👍15❤3🔥2
Иреиҳаӡоу ҳҵараиурҭа иахьа 44 шықәса ахыҵит. Уи аушьҭымҭацәа аӡәырҩы хьӡи-ԥшеи згым аҵарауаа, аполитикцәа, абизнесуаа ракәны иҩагылеит.
Иахьа аҿар рдырра рымардоит аԥышәа бзиа змоу 470-ҩык арҵаҩцәа. Зынӡа иҭоу астудентцәа рхыԥхьаӡара 2486-ҩык ыҟоуп.
Факультетцыԥхьаӡа шаҟаҩы аҵара рҵо шәахәаԥш еиқәҳаршәаз ахсаалаҿы.
Please open Telegram to view this post
VIEW IN TELEGRAM
🔥10👍6
Аҵабырг уҳәар аԥсгьы даргылоит.
🪢 Ажәарыԥхрақәа иахьа "аҵа/аҵабырг" (истина) иазаҳкуеит. Ара иҟоу ишәышәуа-ишышуа аффриката -ҵ' ауп, бзыԥтәи адиалект аиҳабыратә абиԥара рбызшәаҿы макьана иҟоуп, аиҵбацәа ражәаҳәаҿы иаҳԥылаӡом.
Шәахәаԥш ари ашьаҭа злоу ажәақәа "шцәажәо":
Аҵа́с (обычай, традиция) – кусок истины, маленькая истина
Аҵара́ (образование) – воплощать истину
Аҵаура́ (положительный; производительный) – творить истину
Аха́ҵа (мужчина; герой) – голова истины
Абри аҵакы ҳхаҿы иааҳгозар, еилкаахоит ахаҵа-аныҳәаҩ, аныхаԥааҩ ироль ахьимоу, аԥҳәыс дахьымнеиуа аҭыԥ ԥшьақәагьы зыҟоу. Мамзаргьы афраза "Иҵасым!"
#ажәарыԥхрақәа

👍11🔥3
Алаф😃
Еизарак аҿы ажәлар ирзеиԥшыз ус ӷәӷәак рыӡбон. Ҩыџьа ахацәа аамысҭашәара зхы азкыдыз, аурысшәақәагьы налаҵаны, дара ртәала иаарханы ицәажәон.
Цыгә Лаз дахьтәаз, Мамсыр ихы наиқәикын диазҵааит:
– Уара, абанҭ ҳаҷкәынцәа роуп, реиҳа ҟәышрыла ицәажәода? – ҳәа.
– Еивырго рацәак ыҟам, рҩыџьагьы еиԥшуп, – иҳәеит Мамсыр Лаз азҵаара данаҟәымҵӡа. – Уара, Лаз, ҩыџьа аԥсцәа ахьыкҿоу ԥсрак аҿы ахаан умнеиӡаци?
– Сышбамнеиц, егьараан сақәшәахьеит, – иҳәеит Лаз.
– Нас зныкыр абарҭ реиҳа иԥсыда ҳәа уҵаахьоума? Абарҭгьы убас ауп ишыҟоу, – иҳәеит Мамсыр.
Ахыҵхырҭа: Владимир Аҩӡба. Аԥсуаа рҳәамҭақәа. Аҟәа, 2021.

🤣15👍3
This media is not supported in your browser
VIEW IN TELEGRAM
Ҭырқәтәыла агәҭашашара адгьылҵысра бааԥс ҟалеит иахьа ашьыжь шаанӡа, амчхара 7,5 балл рҟынӡа аман.
Иҳауа адыррақәа рыла, шәҩыла ауаа ҭахеит, зықьҩыла аахақәа роуит.
Арыцҳара ахьыҟалаз, ауааԥсыра зегьы ршьапы иқәгылоуп, ахыбрақәа ирыҵахаз аӡәыр рыԥсы рзеиқәырхозар ҳәа.
Адгьыл ӷәӷәала иҵысит Шьамтәылагьы, уа иҭахаз рхыԥхьаӡара 230-ҩык инареиҳауп...
Анцәа абзиара ҟаҵа!
🧡 Ахьыуардын шәақәтәа
Иҳауа адыррақәа рыла, шәҩыла ауаа ҭахеит, зықьҩыла аахақәа роуит.
Арыцҳара ахьыҟалаз, ауааԥсыра зегьы ршьапы иқәгылоуп, ахыбрақәа ирыҵахаз аӡәыр рыԥсы рзеиқәырхозар ҳәа.
Адгьыл ӷәӷәала иҵысит Шьамтәылагьы, уа иҭахаз рхыԥхьаӡара 230-ҩык инареиҳауп...
Анцәа абзиара ҟаҵа!
Please open Telegram to view this post
VIEW IN TELEGRAM
😢11😱4🙏2
Ахьыуардын
Ҭырқәтәыла агәҭашашара адгьылҵысра бааԥс ҟалеит иахьа ашьыжь шаанӡа, амчхара 7,5 балл рҟынӡа аман. Иҳауа адыррақәа рыла, шәҩыла ауаа ҭахеит, зықьҩыла аахақәа роуит. Арыцҳара ахьыҟалаз, ауааԥсыра зегьы ршьапы иқәгылоуп, ахыбрақәа ирыҵахаз аӡәыр рыԥсы рзеиқәырхозар…
Ҭырқәтәыла иҟалаз адгьылҵысраан ԥсыуа ԥҳәыск лыԥсҭазаара далҵгәышьеит.
Ашәаџь рҳәеит Аԥсуа культуратә хеидкылақәа рфедерациаҟны.
🧡 Ахьыуардын шәақәтәа
Ашәаџь рҳәеит Аԥсуа культуратә хеидкылақәа рфедерациаҟны.
Please open Telegram to view this post
VIEW IN TELEGRAM
Telegram
Ахьыуардын
Ҭырқәтәыла агәҭашашара адгьылҵысра бааԥс ҟалеит иахьа ашьыжь шаанӡа, амчхара 7,7 балл рҟынӡа инаӡон.
Уажәазы иҟоу адыррақәа рыла, 76-ҩык ҭахеит, шәҩыла аахақәа роуит. Макьана излаҳдыруа ала, ҳауаажәлар урҭ рхыԥхьаӡараҿы иҟам.
Арыцҳара ахьыҟалаз, ауааԥсыра…

😢9👍1😱1
Иҭахаз аԥҳәыс Даӷәыз лыжәлоуп, Хапатаа дырҭацоуп иҳәеит уажәы арадио Sputnik аефир аҿы ицәажәоз Ҭырқәтәыла иҟоу Аԥсны ахаҭарнак Ибрагим Аҩӡба.
Иахьа ашьыжь Ҭырқәтәыла иҟалаз адгьылҵысра аиԥш зеиԥшыз ҟамлацызт 1939 шықәса раахыс. Абри асааҭ азы еилкаау: иҭахеит 912-ҩык, ааха роуит 5385-ҩык ауааԥсыра – атәыла ахада Ердоган иажәақәа рыла.
🧡 Ахьыуардын шәақәтәа
Иахьа ашьыжь Ҭырқәтәыла иҟалаз адгьылҵысра аиԥш зеиԥшыз ҟамлацызт 1939 шықәса раахыс. Абри асааҭ азы еилкаау: иҭахеит 912-ҩык, ааха роуит 5385-ҩык ауааԥсыра – атәыла ахада Ердоган иажәақәа рыла.
Please open Telegram to view this post
VIEW IN TELEGRAM
Telegram
Ахьыуардын
Ҭырқәтәыла иҟалаз адгьылҵысраан ԥсыуа ԥҳәыск лыԥсҭазаара далҵгәышьеит.
Ашәаџь рҳәеит Аԥсуа культуратә хеидкылақәа рфедерациаҟны.
🧡 Ахьыуардын шәақәтәа
Ашәаџь рҳәеит Аԥсуа культуратә хеидкылақәа рфедерациаҟны.
🧡 Ахьыуардын шәақәтәа
😢8😱1
Ҭырқәтәыла агәҭа ҩаԥхьа адгьылҵысра ҟалеит 7,8 амагнитуда аманы, ашьыжьтәи аасҭагьы еиҳауп!
Атәыла ари аганахь Кавказ адиаспорақәа жәпаҩны инхаӡом, аха иахьцалак закә рыцҳароузеи ауаа ирзыҟалаз инеишьҭаргыланы...
Иҳәатәуп, Европеи Азиеи реиԥшьырҭаҿы адгьылҵысрақәа лассы-лассы имҩаԥыслоит, аха иахьатәиқәа реиԥш иӷәӷәаны ианыҟало маҷуп.
🧡 Ахьыуардын шәақәтәа
Атәыла ари аганахь Кавказ адиаспорақәа жәпаҩны инхаӡом, аха иахьцалак закә рыцҳароузеи ауаа ирзыҟалаз инеишьҭаргыланы...
Иҳәатәуп, Европеи Азиеи реиԥшьырҭаҿы адгьылҵысрақәа лассы-лассы имҩаԥыслоит, аха иахьатәиқәа реиԥш иӷәӷәаны ианыҟало маҷуп.
Please open Telegram to view this post
VIEW IN TELEGRAM
😢7🙏2
Иахьатәиала шьҭа ажәабжь бзиак ҳазшәамҳәозар акәхап...
Ҭырқәтәылеи Шьамтәылеи рҳәааҿы аҩбатәи адгьылҵысраан 12-ҩык адыгаа ҭахеит, 28-ҩык ааха роуит, жәаҩык акыр иӷәӷәоуп. Абас ааицҳаит Ҭырқәтәыла иҟоу Аԥсны ахаҭарнак Ибрагим Аҩӡба.
Шьамтәылатәи апровинциа Алеппо ауааԥсыра ралгара иаҿуп, адгьылҵысра еиҭаҟалап ҳәа ашәарҭара иахҟьаны.
Ҭырқәтәыла иҭахаз ауаа 1000-ҩык иреиҳахахьеит, аха ари ахыԥхьаӡара иҵегь иацлалоит, избанзар ашьыжь зегьы рыҩны ианыҟаз акәын, рыԥшаара акраамҭа аҭаххоит.
Абри аамҭазгьы адгьыл аҽеиқәнакит ҳәа уҳәартә иҟам. Аҵысра ахҟьа-ԥҟьақәак Аԥсны игәазҭақәаз ҟалеит.

😢9🙏2👍1
Раԥхьаӡатәи аԥсуа информациатә маҵзура "Аԥсныпресс" аредактор хада Манана Гәыргәлиа Аԥсны зҽаԥсазтәыз ажурналист ҳәа ахьӡ лыхҵоуп.
Ирҳәоит, аиаша шаҳаҭ даҭахӡам ҳәа, аха ирҳәоит убасгьы аиаша "цыркьуп". Убас, Аԥсны аибашьра анцоз уи ашьҭахьгьы Манана Гәыргәлиаԥҳа илылшаз даара ирацәоуп адунеи ҳаӡбахә аҳартә аҟаҵараҿы, аҳәаанырцәынтә асасцәа анаауаз, ара иҟоу-шыҟоу зегьы аиаша ралҳәон, идлырбон.
Занааҭла ифилософу, иагьырҵаҩу, иазыҟалҵеит иахьа зыламыси зџьабааи рыла еицаҳдыруа аԥсуа журналистцәа аӡәырҩы. Мҽхакы ҭбаала ихәыцуа дреиуоуп, 30 шықәса раахыс ааԥсарада аинформациа амхурсҭа дҭоуп.
Иахьа Манана Гәыргәлиаԥҳа илымшироуп. Агәабзиареи иҵегь ақәҿиара дуқәеи лзеиӷьаҳшьоит!

❤7👍3👏1