"Иҭабуп, Анцәа, сахьахьугӡаз сҳәатәы,
Ҳәашьа змамыз, ҩышьа змамыз са сыҩтәы,
Иаанумыжьит, исымумхит мҩабжара,
Исаҭәоушьеит иҟаз шыҟаз аҳәара,
Иреиҳау ҳамҭак уа уахьтә саҳәомызт сара!"
Аԥсны Жәлар рпоет Мушьни Лашәриа имшироуп иахьа, гәыкала идаҳныҳәалоит! Аԥсуаа хыԥхьаӡарала ҳмаҷзаргьы ҳажәла́р дуны ҳҟазҵо, хараӡа ҳахьӡ ӡырызго ҳбызшәа, ҳсахьажәа аихаҳа-еиҵаҳара зыԥсҭазаара зегь азызкыз, збаҩхатәра уарҭаслымуа арҿиаҩы.
Амилаҭ рхаҿра аиқәырхараҿы асахьаркыратә литература зыԥсахуа, уи иалшо зылшо, иареиԥш узааӡо даҽак ыҟаӡам. Иахьа адунеи ахы иаасуа адоуҳа аҵшәаара ианаҿу аамҭазы абас дыӷәӷәаӡа, дҳаракӡа, дгьыли жәҩани еимаздо, зыҵжаареи зырбгареи амуа баашны дахьҳамоу насыԥуп. Ҽаанбзиала днеилааит агәабзиара, агәамч, агәалаҟара иманы!
🧡 Ахьыуардын шәақәтәа

Please open Telegram to view this post
VIEW IN TELEGRAM
👍25❤7
🏛 Абырзен хылҵшьҭра змоу ахьӡқәа аԥсышәала ишцәажәо
Арсана — ахаҵара злоу (Арсений)
Архьып — аҽар рԥыза (Архип)
Анатол — мрагыларатәи (Анатолий)
Гьаргәал — арлахҿыхҩы, лацәеихьшь ҟазымҵо (Григорий)
Гьаргь — адгьыл ақәаарыхҩы (Георгий; Жорж; Джордж)
Дырмит // Митра — адгьыл анцәахәы Деметра илызку (Дмитрий)
Еугьан; Авдениа — аамсҭашәа, ақьиа (Евгений, Евгения)
Елана — иалкаау, илашоу (Елена)
Ерасҭа // Ерысҭоу — бзиа ирбо (Ераст)
Зина // Шьазина — Зевс иԥҳа (Зинаида)
Зоиа — аԥсҭазаара (Зоя)
Иарна — аҭынчра (Ирина)
Кристина // Христина — Қьырса зхы изызкыз
Леонид — алым аԥа
Нестор — зтәылахь ихынҳәыз
Платон — зыжәҩахыр ԥҽаҽоу
Петра — ахаҳә (Петр)
Сандро — ахьчаҩ, ахаҵа (Александр)
Сҭеԥана — амацәаз, ахырқьақьа (Стефан)
Тарас // Ҭарашь — агәаҭеи
Фаина — илашо, икаԥхо
Харитон — агәыкы
📖 Аҽа́р - конница
#ахьӡқәа

👍31❤7
Ҳаӡынра аԥсы ахазҵо аԥсаатәқәа иреиоуп ардәынақәеи архьынақәеи. Бжьы хаала аҟармаҵыс иамазкуа шәаҳәацәоуп дара, еиҳаракгьы ааԥын ашацкыраз амра ашәаԥшь анаавҵнаго угәы ҟарҵоит. Ҳаԥсабара хкы-хкыла илоуп, рыхәҭак аӡын ара ирхыргоит иҿықә-ҿықәуа, рыхәҭак атәыла ԥхаррақәа рахь ицоит (Кипрҟа), ахьҭа рычҳаратәы иҟоуп, аха афатә рыцәмаҷхоит асы анлеилак. Акәтаӷь ихырҵо жәҩангәыԥштәылоуп.
Ардәынақәа зынӡа 90 хкы рҟынӡа азгәарҭоит, адунеи адгьылқәа зегьы ирхуп, Урыстәыла 20 хкы ыҟоуп, Аԥсны иуԥылақәо рахьтә иааҳгоит абарҭ:
А́рдәына – черный дрозд;
А́рдәына хәҵыш – белозобый дрозд;
А́рхьына, адәы́рхьына – серый дрозд;
А́рхьынаду, архьынра́ҳ – дрозд-деряба, вид крупного серого дрозда (букв.: царь дроздов)
Аҳа́аҵә рхьы́на – рябинник.
Касланӡиа ижәар аҿы иаҳԥылоит иара убас ахьнырҳа́ҳ, ажьаӷьы́ржьаӷь (большой серый дрозд), "архьынраҳ" иавариантзар ҟалап, цәажәашьак аҿы инарҳәаарҳәхеит.
▫️ Еилырџьџьа хәҵыш араԥ-цәа зхәаччо — (белозобый дрозд), абри ацуфара сахьарк еиҳагьы ухаҿы иаанхоит иара зызкыҵәҟьоу аԥсаатә хкы уанахәаԥшлак.
▫️ Аҳ иашҭа рацәак ҭаршәуп (черный дрозд), зыхӡы еиқәаҵәоу арбаӷьқәа мацара роуп.
🔸 Ардәына шәкыла ашәақәа здыруан, аха ахьшь анысӡывас зегь схашҭит аҳәеит (Ажәаԥҟа). Ашәара иазку ари асиужет ала Миха Лакрба ажәабжь хәыҷык имоуп "Ашәаҳәара иаҟәыҵыз ардәына" ҳәа.
#аԥсаатәқәа

👍20❤8
This media is not supported in your browser
VIEW IN TELEGRAM
Ҳаит абааԥсы, иааҳзыҟалаз закәи, анаџьалбеит! Амилаҭ сахьатә галереиа аҵәахырҭа ауразоуроу амца акын иблит, иҳақәшәира иқәшәира... Ахьтәы фонд ҳәа изышьҭоу зегьы ццышәхеит – иреиӷьӡоу аҟазацәа рнапы иҵыҵыз ԥшь-нызқь сахьа, раԥхьаӡатәи аԥсуа сахьаҭыхҩы Александр Чачба итәқәагьы налаҵаны.
Шықәсыла аҳәара рыгӡамызт акультуразы згәы былуа ауаа агалереиа ахатә хыбра амазароуп ҳәа, аха уанахьӡалак ҟамлозаап. Иаҳзеиқәмырхеит, иаҳзымхьчеит. Гәалсра дууп. Еицәоу ҳаумырбан, аха ари хнырҳәышьак змам цәыӡуп. Амықәшәатә!
🧡 Ахьыуардын шәақәтәа
Шықәсыла аҳәара рыгӡамызт акультуразы згәы былуа ауаа агалереиа ахатә хыбра амазароуп ҳәа, аха уанахьӡалак ҟамлозаап. Иаҳзеиқәмырхеит, иаҳзымхьчеит. Гәалсра дууп. Еицәоу ҳаумырбан, аха ари хнырҳәышьак змам цәыӡуп. Амықәшәатә!
Please open Telegram to view this post
VIEW IN TELEGRAM
😭24💔11😢5❤4🤯2
Ахьыуардын
Ҳаит абааԥсы, иааҳзыҟалаз закәи, анаџьалбеит! Амилаҭ сахьатә галереиа аҵәахырҭа ауразоуроу амца акын иблит, иҳақәшәира иқәшәира... Ахьтәы фонд ҳәа изышьҭоу зегьы ццышәхеит – иреиӷьӡоу аҟазацәа рнапы иҵыҵыз ԥшь-нызқь сахьа, раԥхьаӡатәи аԥсуа сахьаҭыхҩы Александр…
This media is not supported in your browser
VIEW IN TELEGRAM
Зхы ахьыҟоу здыруа ихәамц еибгоуп, ҳара ҳтәы иахьа хәҭакахьала еимгәаблуп. Изыхҟьазаалак, изынԥазаалак ари ахҭыс, мшыӷәӷәа ныҟәа ҳнеихьаны џьара ҳшымҩахҟьаз унарбоит. Егьа уҳәаргьы уажәшьҭа изхәарҭои акәымзар. Ҟәыхқәак ахьеиқәхаз Анцәа иџьшьоуп, гәыҟажагас ишмаҷӡоугьы.
Ҳазҭалаз ашықәс алагашьа уаргачамкуеит, уареиџьыԥуеит, аха аԥсрада хәшәы змам егьыҟам рҳәон ҳабдуцәа, ҳгәыӷлап мышкызны ҳкультура иаиуз ааха хьазыршшо аусумҭақәа ҟалап ҳәа.
Авидео аҿы: Амилаҭ сахьатә галереиа анеибгаз
🧡 Ахьыуардын шәақәтәа
Ҳазҭалаз ашықәс алагашьа уаргачамкуеит, уареиџьыԥуеит, аха аԥсрада хәшәы змам егьыҟам рҳәон ҳабдуцәа, ҳгәыӷлап мышкызны ҳкультура иаиуз ааха хьазыршшо аусумҭақәа ҟалап ҳәа.
Авидео аҿы: Амилаҭ сахьатә галереиа анеибгаз
Please open Telegram to view this post
VIEW IN TELEGRAM
😢15💔9❤3😭2
Аҵых еиқәа, ԥсы қым-қым,
Аҵых еиқәа, ԥсы ҟым-ҟым,
Ҷынҷа кәтаӷьны саларшәуп,
Иара ашәыга салашәуп.
Шьыци-қәыци арцәахьеит,
Маҷк агәашьамх амҵәахьеит.
Аҵых еиқәа, ԥсы қым-қым,
Аҵых еиқәа, ԥсы ҟым-ҟым.
Хәыцрақәак аҽрылаҳәа,
Зҭыԥ ихтәалоу сылаҳәа
Амҵәыжәҩақәа дысхахьеит,
Абла ихыз зегь ҭәыцхахьеит.
Аҵых еиқәа, ԥсы қым-қым,
Аҵых еиқәа, ԥсы ҟым-ҟым.
Изымқәацо сыхра ду,
Изымӡысуа сыӷба ду.
Гәыда-хыда саларшәуп,
Иара ашәыга салашәуп.
Рушьбеи Смыр
#алирика
🧡 Ахьыуардын шәақәтәа
Аҵых еиқәа, ԥсы ҟым-ҟым,
Ҷынҷа кәтаӷьны саларшәуп,
Иара ашәыга салашәуп.
Шьыци-қәыци арцәахьеит,
Маҷк агәашьамх амҵәахьеит.
Аҵых еиқәа, ԥсы қым-қым,
Аҵых еиқәа, ԥсы ҟым-ҟым.
Хәыцрақәак аҽрылаҳәа,
Зҭыԥ ихтәалоу сылаҳәа
Амҵәыжәҩақәа дысхахьеит,
Абла ихыз зегь ҭәыцхахьеит.
Аҵых еиқәа, ԥсы қым-қым,
Аҵых еиқәа, ԥсы ҟым-ҟым.
Изымқәацо сыхра ду,
Изымӡысуа сыӷба ду.
Гәыда-хыда саларшәуп,
Иара ашәыга салашәуп.
Рушьбеи Смыр
#алирика
Please open Telegram to view this post
VIEW IN TELEGRAM
💔19👍7❤3
👥 Асинонимқәа
"Игәцаракны" даҽакала ишԥаҳҳәо? (старательно, усердно)
• Угәы адкыланы
• Уԥсы адкыланы
• Ухы адкыланы
• Ухы ақәкны
• Угәы ақәкны
• Угәы ацԥыҳәаны
• Уҽадцаланы
• Уҽазҵәылхны
• Уазыҳаҵҳаҵо
• Ҽышәала
• Хҩахада
• Гәажәра уны
• Уацклаԥшны
• Уҽақәырԥсны
• Уԥсы ҭыкәкәааны
Гәыкала аус азнеира абар шаҟа ҳәашьақәа амоу аԥсышәала. Шәаргьы иацышәҵа. 🤗
#асинонимқәа

👍28❤5
Ахьыуардын
Ҳаит абааԥсы, иааҳзыҟалаз закәи, анаџьалбеит! Амилаҭ сахьатә галереиа аҵәахырҭа ауразоуроу амца акын иблит, иҳақәшәира иқәшәира... Ахьтәы фонд ҳәа изышьҭоу зегьы ццышәхеит – иреиӷьӡоу аҟазацәа рнапы иҵыҵыз ԥшь-нызқь сахьа, раԥхьаӡатәи аԥсуа сахьаҭыхҩы Александр…
Анцәа дҳаргәаама, ма зынӡа ҳаԥсаӡамзу абри еиԥш амазара? Ацифрахь ииагазгьы блызаап, арыцҳара-еиҭарыцҳара...
‼️ UPD: Аԥсны асахьаҭыхцәа реидгыла ахантәаҩы Витали Џьниа иажәақәа рыла, Александр Чачбеи егьырҭ аҟазацәеи русумҭақәа 40-50% рҟынӡа ацифрахь ииаганы аидгылагьы иамоуп.
🧡 Ахьыуардын шәақәтәа
‼️ UPD: Аԥсны асахьаҭыхцәа реидгыла ахантәаҩы Витали Џьниа иажәақәа рыла, Александр Чачбеи егьырҭ аҟазацәеи русумҭақәа 40-50% рҟынӡа ацифрахь ииаганы аидгылагьы иамоуп.
Please open Telegram to view this post
VIEW IN TELEGRAM
Telegram
Sputnik Абхазия
Диски с оцифрованными картинами из фонда Нацгалереи, которые хранились в сгоревшем 21 января помещении, утрачены. Об этом рассказал на пресс-конференции директор Сурам Сакания.
По его словам, было оцифровано около 40% всех работ.
"Но, к сожалению, то, что…

😢11👍3💔1
This media is not supported in your browser
VIEW IN TELEGRAM
Аԥсны асахьаҭыхцәа реидгыла ахантәаҩы Витали Џьниа иажәақәа рыла, Александр Чачбеи амилаҭ галереиа афонд иатәыз егьырҭ аҟазацәеи русумҭақәа 40-50% рҟынӡа ацифрахь ииаганы аидгылагьы иамоуп. Анцәа иџьшьоуп, ҳаԥсӡамзаап 🙏🏻
Иахьа иара арадио Sputnik астудиа даҭаан, аҭагылазаашьа алҵразы шьаҿақәас иҟаҵатәны иибо иҳәеит. Аиҿцәажәара нагӡаны шәазыӡырҩырц шәылшоит абра >>
🧡 Ахьыуардын шәақәтәа
Иахьа иара арадио Sputnik астудиа даҭаан, аҭагылазаашьа алҵразы шьаҿақәас иҟаҵатәны иибо иҳәеит. Аиҿцәажәара нагӡаны шәазыӡырҩырц шәылшоит абра >>
Please open Telegram to view this post
VIEW IN TELEGRAM
👍12😢5❤3💔1
ҨАРҨАР ДШЫЏАРЏАРЫЗ
(Алаф жәеинраала, абызԥҽыгас ибзиоуп, еихышәшәоит, аллитерациа џьашьахәыла еибаркуп, иаҳгәаԥхеит).
Иеиҳаб ҟармыгә дҟәарҟәаруа,
Имаҵ шиуаз дкәаркәаруа,
Ӡнума-ԥхнума дҳәарҳәаруа,
Хәы дшизаҵаз дхәархәаруа,
Дихан дҩеиган, дҩарҩаруа –
Ҭыԥ ԥхак ииҭеит дџарџаруа.
Дымкәаркәарит, дымхәархәарит,
Дымгәаргәарит, дымҳарҳарит:
Ԥшьаала днеин уи дхьархьарит –
Ҭыԥгьы ааихәеит, дагьџарџарит.
Дагькәаркәарит, дагьгәаргәарит,
Дагьурурит, дагьҳарҳарит.
Шьарда еизыҳәҳәан, уи дхьархьарит –
Ҭыԥ дук ааихәеит, дагьџарџарит.
Хыхь данхала – нас дбарбарит.
Дагьгәаргәарит, дагьӷьарӷьарит,
Аӡә дыхиршәҭын, дагьџарџарит.
Зҭыԥ игаз из дагьмақарит.
Заур Быҭәба, 1960
📖 Дхьархьарит - араҟа: аҵарҭыша иҭиит

👍16❤4🔥4🤣2
Сынтәа апрозазы Фазиль Искандер ипремиа аԥсуаа иаҳзыргаз ашәҟәыҩҩы Ибрагим Ҷкадуа иажәабжь "Аԥа ирхынҳәра" аԥсышәала ирцәажәоуп! Аурысшәахьтә ҟазарыла еиҭалгеит ажурналист Елеонора Коӷониаԥҳа. Ажәабжь лассы иҭыҵуа ажурнал "Алашара" 1-тәи аномер ианылоит, аха уаанӡа Ахьыуардын аԥхьаҩцәа шәзы цыԥҵәахак аҭагалара азин ылаҳхит, иԥхаҵәыԥхаҵәуа ишыҟоу. Ҳаамҭазтәи алитература агәеисыбжь ахуп, аԥсуа цәа аҟәнуп, ихыҭхәыцаам ҳҭоурых ауп еиҭанаҳәогьы.
АСИУЖЕТ ААЗЫРКЬАҾНЫ:
Зԥазаҵә аибашьраҿы дҭахаз, зыдунеи лашьцахаз абыргцәа изқәымгәыӷӡоз гәыӷрак рзылашеит рыҷкәын имшҩынҩажәа аҽны – афырхаҵа ихылҵ дыҟазар ауеит ҳәа адырра ҟаиҵоит иҩыза. Урыстәыла аҵара аниҵоз ҭыԥҳак игәы далнахзаарын, аха лаагара имаӡакәа еибашьрахан, иԥсадгьыл ахьчара дааит, лара лцәа лтәымкәа дшыҟаз. Ари ажәабжь заҳаз аҭаҳмада адырҩаҽныҵәҟьа Москваҟа амҩа дықәлоит, дахьыҟазаалак иҵәҩаншьап змырӡша диԥшаарц.
АЦЫԤҴӘАХА:
"Аҭаҳмада ергьҳәа адәыӷба дахьӡеит. Рацәак ахә шьҭымхкәа хә-ааҵәак араса иҭиит. Анцәа иҟынтә игәыла машьынала аҳәаа аҟынӡа дааигеит, нас Адлертәи авокзал аҟынӡа дааит. Акассаҿы, ҳәарада, абилеҭқәа ыҟамызт, убри аҟынтә, издыруада, амҩаԥгаҩцәа дызрылаӡозар ҳәа, авагонқәа инарываршәны иҿынеихеит.
Аԥсшьара аамҭа анҵәамҭахьы инеихьан, уажәы "акадифа-сезон" бзиа избозгьы рхаҳә қалақьқәа рахь идәықәлеит. Аҭаҳмада игара аӡәгьы дақәшаҳҭхомызт. Ус, ажәеизатәи авагон аԥхьа зқәыԥшра иҭысхьаз амҩаԥгаҩ лхаҭа иқәҿылҭит:
– Шәцарц абашәҭаху?
– Москванӡа сымцар ауам, заҟа шәҳәо шәысҭоит.
– Шәхал, амала Армавирнӡа скупе аҿы шәаатәароуп, нас аҭыԥ ҭацәуеит.
– Иҭабуп идуӡӡаны. Стәаны акәзаргьы Москванӡа снаӡароуп.
"Ари аҭаҳмада аӡәы дилаҩашьом", – аалгәахәит амҩаԥгаҩ. Аперрон даннықәла нахыс дгәалҭеит зыбӷа хәаз ауаҩы ԥшьагьаҭҳа. "Саб дышԥаиеиԥшу! Аиқәаҵәа ишәуп, аӡә дицәыԥсызар ҟалап. Дыццакы-ццакуеит, еидаракгьы имам. Даԥсуазшәа збоит, аха нас сиазҵаап".

Sputnik Аҧсны
Ибрагим Ҷкадуа: сара иалсхит иауз - икьаҿыз амҩа
Ажурналист, Sputnik аколумнист Елеонора Коӷониаԥҳа диҿцәажәеит 2023 шықәса анҵәамҭазы Фазиль Искандер ипремиа иаԥсахаз арежиссиор, афотоҭыхҩы Ибрагим Ҷкадуа. Ишәыдаагалоит уи аинтервиу.
❤16👍5
Ахьыуардын
Сынтәа апрозазы Фазиль Искандер ипремиа аԥсуаа иаҳзыргаз ашәҟәыҩҩы Ибрагим Ҷкадуа иажәабжь "Аԥа ирхынҳәра" аԥсышәала ирцәажәоуп! Аурысшәахьтә ҟазарыла еиҭалгеит ажурналист Елеонора Коӷониаԥҳа. Ажәабжь лассы иҭыҵуа ажурнал "Алашара" 1-тәи аномер ианылоит, аха…
Аиҭагара атәы анаҳҳәа...
Уажәы ашәҟәҩыра аганахьала збаҩхатәра аатыз Ибрагим Ҷкадуа иеиԥш иҟоу, акрызлоу ауаа ирзыркло ажәаԥҟоуп "Талантливый человек талантлив во всем". Абри аԥсшәахь еиҭоугар ҟалоит, аха хараӡа иеиӷьуп убызшәала иаԥҵоу аҩызаҵәҟьа узыԥшаар. Иҳаԥшааит ахаҭа-ԥсаҭа, ишәаҳахьеит усгьы:
АКЫ ЗЛОУ ҨБАГЬЫ ИЛОУП.
Ихазынами? Икьаҿуп, "иԥҟоуп", зегь аҳәоит, иахьурхалакгьы ҟалоит. Шәхы иашәырхәала. 🤗
#ажәаԥҟақәа
🧡 Ахьыуардын шәақәтәа
Уажәы ашәҟәҩыра аганахьала збаҩхатәра аатыз Ибрагим Ҷкадуа иеиԥш иҟоу, акрызлоу ауаа ирзыркло ажәаԥҟоуп "Талантливый человек талантлив во всем". Абри аԥсшәахь еиҭоугар ҟалоит, аха хараӡа иеиӷьуп убызшәала иаԥҵоу аҩызаҵәҟьа узыԥшаар. Иҳаԥшааит ахаҭа-ԥсаҭа, ишәаҳахьеит усгьы:
АКЫ ЗЛОУ ҨБАГЬЫ ИЛОУП.
Ихазынами? Икьаҿуп, "иԥҟоуп", зегь аҳәоит, иахьурхалакгьы ҟалоит. Шәхы иашәырхәала. 🤗
#ажәаԥҟақәа
Please open Telegram to view this post
VIEW IN TELEGRAM
👍19❤7
Аԥсны зҽаԥсазтәыз акультура аусзуҩ, Аԥсуа телехәаԥшра раԥхьаӡатәи адикторцәа ируаӡәку, Ахьӡ-Аԥша аорден III аҩаӡара занашьоу ажурналист Емма Адлеиԥҳа ақәраныҳәа лымоуп иахьа, ҽаанбзиала днеилааит!
Афилолог Емма Адлеиԥҳа лажәаҳәа ацқьареи, лыбжьы аҭышәынтәалашьеи гәазҭаз Артиом Амқәаб иааԥхьарала Аԥсуа радио аҿы аусура далагеит 19 шықәса шылхыҵуаз, анаҩс ателехәаԥшра анаат дикторс дҟалеит. Дқәыԥшны, аха хатәрала, аԥсышәа ԥшӡала ателехәаԥшцәа ажәабжьқәа рзеиҭалҳәон есыуаха ишиашоу ицоз афеир ала, Аԥсны жәлар рџьынџьтәылатә еибашьра анцозгьы налаҵаны. 25 шықәса инарзынаԥшуа ари амаҵура баны, 2004 рзы уажәшьҭа аҿар ираамҭоуп ҳәа аредакторрахь диасит. Сынтәа ҩажәа шықәсоуп акадр анҭыҵ лусура иацылҵоижьҭеи. Ԥышәала, дыррала, леишәала аԥхьа игылоу дреиуоуп.
Ибзиахаша ихәыҷралагьы дудыруеит ҳәа, Емма ашкол дҭалаанӡагьы аԥхьашьа лҵахьан, асаркьа дадтәаланы ажәеинраалақәа дрыԥхьо аҵара лҽазыҟалҵон. Ажурналист лнысымҩеи лыуаҩышәеи ирызку инеиҵыху аочерк шәаԥхьар шәылшоит абра>> Лусура дшаӡрыжәыз, ҭакԥхықәрала дшазнеиуаз атәы еиҭалҳәоит абра>>
Аԥсуа телехәаԥшра аҭоурых зыда ухаҿы иузаамго Емма Қьамал-иԥҳа агәабзиара, анҵыра ду лзеиӷьаҳшьоит, лџьабаақәа бзабааны илԥылалааит, лхы-лыхшара рыла дгәырӷьалааит!

👍25❤5
Ибзианы ичаԥазаарын 😉
Басиаҭ дышнеиуаз џьара дымҩахыҵит. Уа ԥҳәыс быргк дынхон. Иара амла дакуан. Лара фатәыс аҟәыд изцәырылгеит, уаҳа лымамзу здырхуада. Чанахк азна илҭан, ифеит, даҽак илҭан – ифеит. Убас мацара хԥаҟа-ԥшьбаҟа чанах аҟәыд ифеит.
– Нан, шәара аишьцәа заҟаҩ шәыҟада? – лҳәан аԥҳәыс бырг диазҵааит.
– Ааи, дихеит, ҳара аишьцәа хҩык ҳаҟагәышьан, аха иалабхи, иахьа руаӡәк аҟәыд дашьит, – иҳәеит Басиаҭ.
Ианиҵеит Сергеи Зыхәба
#аԥсуа_лафқәа

Лаҵан иумҳәаз бҵан иузҳәом. Иахьарнахыс амш хәыҷы-хәыҷла агхара иалагоит, аԥхын аӷьырак ҳаԥхьаҟа ишышьҭоугьы. Аура ҟалааит ибарақьаҭны! Аура анаҳҳәо, аџьықәреи ауп раԥхьаӡа ҳзызхәыцуа, аха аҟәыдгьы, егьаумҳәан, аҭыԥ ду ааннакылоит аԥсуа икрыфараҿы. Акыс,…
👍17😁6🤣4
Аԥсны жәлар рџьынџьтәылатә еибашьра иалахәыз, Леон иорден занашьоу аҟабарда ҷкәын Аслан Ажьгьари иԥсы ҭаны дыҟазҭгьы иахьа 55 шықәса ихыҵуан.
Аслан Кавказ жәларқәа рконфедерациа аусура дазҿлымҳан, "Адыгэ Хасэ" далан, аибашьра ҟалаанӡагьы изныкымкәа Аԥсны даахьан, агәыблыра икхьан. Иара дкәашаҩын, анхамҩагьы дамаран, инапы ахьы аԥссоит ҳәа ззырҳәоз иакәын.
Аԥсны аӷа данақәла зыԥшрак ҟамҵакәа хатәгәаԥхарала арахь иҵысыз ҳашьцәа дыруаӡәкхеит. Гагра ахақәиҭтәраан агәымшәара ду ааирԥшит, ақырҭқәа ахьтәаз зегь раԥхьа днаӡаны, икылкааны дхысны р-БМП ԥижәеит. Аԥсны мраҭашәара Ԥсоунӡа аԥсуаа рнапаҿы ианыҟала, Гәымсҭатәи афронт ахь диасит. Ианартәи ажәылара далахәын, даара деилҟьан, усҟангьы БТР-қәа ҩба аԥырихит. Ешыра ҳаҷкәынцәа дрывагылан иашьа гәакьа Анзоргьы.
Март 16 ашьыжь шаанӡа игранатаршәга изқәынҵаны Гәымсҭа ҵааршә ирыз дреиуан Аслан Ажьгьари. Дук мырҵыкәа ақәыршҩеиԥш аӷа ихымца аҿанаанаха, "Шәхьаҵ!" ҳәа адҵа аныҟала, иҩызцәа алҵаанӡа дгылан, убасҟан ахы иқәшәеит иаргьы. Ахә аарцә дырганы, ацхыраара ласы амашьына дақәиҵагәышьеит иҩыза, аха дагьааидҵуан еиԥш, иара ахьгылаҵәҟьаз аснариад аахан иԥнажәеит. Абас иԥсҭазаара ҿахҵәеит афырхаҵа, 24 шықәса ракәын ихыҵуаз, зқьышықәсала ԥсра-ӡра зқәым ахьӡ ирҳаит. Иԥсы ҭынчзааит! 🙏

🙏20😢3
Аԥсны жәлар рартист, Аԥсны жәлар рџьынџьтәылатә еибашьра аветеран Сергеи Габниа имшироуп иахьа, 85 шықәса ихыҵит.
Сергеи Габниа диит Калдахәара ақыҭан. Қарҭ атеатртә институт далгеит, 1968 шықәса раахыс Самсон Ҷанба ихьӡ зху Аԥсуа драматә театр амаҵ азиуеит. Еиуеиԥшым аамҭақәа рзы қәҿиарала инаигӡеит ахәаԥшцәа ргәалашәараҿы инхаз арольқәа, "Ахрашәа", "Сеидыҟ", "Кьоџьаа рҭыӡшәа", "Алыбеи", "Махаз", "Аԥсҭазаара ԥхыӡуп" уҳәа убас хкырацәала аспектакльқәа дрылахәын. Асовет киностудиа дуқәа иҭырхыз афильмқәа рҿы даҳбар ҳалшоит.
Аԥсны аибашьра алагаанӡагьы уи хырԥашьа шамамыз збоз дреиуан Сергеи Габниа, ус ацәалашәара аниоу Арратә хеилак еиҿкаатәуп ҳәа Арӡынба иахь ашәҟәы иҩхьан. Аибашьра актәи амшқәа рзы Мушьни Хәарцкьиа ибатальон далалеит, аԥшыхәра аганахьала аџьабаа рацәаны ибеит, аԥшыхәратә гәыԥқәа реиҿкаара ашьаҭаркыҩцәа дыруаӡәкуп.
Акультура иазааԥсо аибашьра адәаҿы ирусым, инашәмышьҭын ҳәа адҵа шыҟазгьы, усҟантәи акультура аминистр Нодар Ҷанба дақәыршаҳаҭны иеибашьратә мҩа иациҵеит, гәымшәарыла ихы ааирԥшит, Леон иорден ианашьоуп. Аиааира ашьҭахь аамҭала Аԥсны Арбџьармчқәа рыштаб хадаҿы дыҟан, аштаб аиҳабы ихаҭыԥуаҩс. Анаҩс аҟазара дазыхынҳәит, иҵегь шьарда атеатр абзиабаҩцәа иргәырӷьеит.
Аиубилиар агәабзиареи аԥсынҵра наӡеи изеиӷьаҳшьоит, иҭаацәа, иуаажәлар дрыгымзааит! Ҽаанбзиала днеилааит!

👍15❤6
• Ахаҵара Нарҭаа ирхылҵит, ашәыргәындара ҩысҭаа цырҟьоуп.
• Ахаҵа дызқәымшәо егьыҟам.
• Хьӡы игарцоуп ахаҵа дзиуа.
• Ар ҭызго аӡә иоуп.
• Ар маҷ хьӡы ргеит.
• Ар ирнымиац дхаҵа ӷәӷәоуп.
• Абџьар шьҭызхуа зегьы зхысуам.
• Аибашьраҿы зегь ҭахом, ачараҿы зегь кәашом.
• Зҽышьҭа зырӡыз ахаҵа дхаҵам.
• Ахаҵара ауаҩы ициуеит.
• Афырхаҵа иҿырԥшы аиааира арҿиоит.
• Ауаа зегь зфырхаҵахом, аха ауаҩра руалуп.
• Афырхаҵа ишьҭа ихылаз афырхаҵа игәы иоуеит.
• Аԥсрагьы ахаҵара аҭахуп.
• Афырхаҵа знык ауп данԥсуа, ашәаргәында зқьынтә дыԥсуеит.
• Ахаҵа хьӡи-ԥшеи изырго аибашьраҿы – иаҳәа, аизараҿы – иажәа.
• Афырхаҵа зегьы дырдыруеит, иара иидыруа маҷҩуп.
• Доусы ианиашьа ихаҵашьоуп.
#ажәаԥҟақәа
Афото: Руслан Габлиа карандашьла иҭихуаз аибашьцәа рхаҿсахьақәа
Please open Telegram to view this post
VIEW IN TELEGRAM
❤15👍6🤩2