Ахьыуардын
1.27K subscribers
1.38K photos
222 videos
1.66K links
Ахьыуардын — аԥсуа бызшәеи, аҭоурыхи, акультуреи ирызку апроект ҷыда. Напбзиа-шьапбзиа ахьыуардын дақәтәоуп. Шәҳацла: ахьы хәыҷуп, аха шәкы ицоит, аӡә дышәҩыкны дҳаԥхьаӡоит.
Download Telegram
This media is not supported in your browser
VIEW IN TELEGRAM
👥 Асинонимқәа

"А́рацәа" даҽакала ишԥаҳҳәо?

• А́рымӡаа
• Ма́зарак
• Ахыцәхәы́ц
• Аны́шхҵә
• Ахәымтка́р
• А́мбатә
• Аме́лага
• Аума
• А́рҩык (ауаа рзы мацара)
• Аҩыԥса́ (аԥсаатә рзы мацара)
• Аҷыҷмаса́

Асинонимқәа рхархәара ажәаҳәа арбеиоит, аҵакы гәылнаршәоит.
Шәаргьы иацышәҵа.

#асинонимқәа

🧡 Ахьыуардын шәақәтәа
Please open Telegram to view this post
VIEW IN TELEGRAM
👍233
Ахьыуардын
АԤСНЫ Бзиак дырны цәгьа сҭахым Аԥсназы, Сааԥсеит ҳәагьы сызтәаӡуам иаразы. Снапы иалшуа снапы иаҩуеит убри азы. Сыбз иалшуалагь саанҵасыуам аказы. Иаразыҳәан сныҳәаҩуп Анцәа иҿы, Аха сыздырам уи ахьахәа ҳәа ехьазы... Умшәан, Аԥсны, цәгьа зычҳаз иоуп ирҽхәатәу…
Адиалектқәа — абызшәа иабеиароуп. Аӡиасқәа амшын иалало аԥсы ҭакны ишырку еиԥш, даргьы абызшәа змырԥсуа, ахьхьаҳәа иҵхәраауа ӡыхь цқьақәоуп, изҳәо ыҟанаҵ. Аҳәашьҭыбжь аҿоуп абызшәа аԥсы ахьҭоу, мамзар аԥсышәала аҩышьеи аԥхьашьеи рдырра мацара азхозҭгьы, ашкол ахалагьы иамӡбози абызшәа аиқәырхара азҵаара. Аха ус изыҟалом, избанзар абызшәа маругоуп, ухы иумырхәар ижьакцоит, уаламцәажәар иуҿабоит.

Аԥсуаа аҩыра ҳауаанӡагьы исахьарку алитературатә бызшәа ҿырҳәала ашьақәгылара иалагахьан ауаа рҿы иҩагыланы ицәажәоз, ахацламҳә ӷәӷәа зырҵысуаз ажәа азҟазацәа рыбзоурала. Ажәабжьҳәаҩцәа дуқәа, ашәҟәыҩҩцәа бзиақәа реиԥш, ажәак ҩынтә еиҭарҳәомызт, ҵакыла иазааигәоу рхы иадырхәон, иахьеи-уахеи рбызшәа дырҿион, идырҿыцуан, арбеиара иашьҭан. (Маадан Сақаниа инахараны џьара еизарак ахь ианиԥхьоз "иаҳмаҳац ажәак ҳкыргьы здыруада" ҳәа дцон, убас зны Аҟәа Дырмит Гәлиа иқәгылара дазыӡырҩхьан). Уи адагьы ажәытәан аиҭанеиааира, аибабарақәа рацәан, адиалектқәа дара-дара еилысуан, еимадан, ихеибарҭәаауан.

Ахҵәарақәа ҟалаанӡа Аԥсны хә-диалектк иқәыҩуаз рҟынтә инхеит ҩба... Урҭ аҩба рыбжьара еилых ҟамҵакәа, ирыхӡыӡааны, ажәлар ишырҿаз азгәаҭаны аҩыра иаднакылартә еиԥш аџьабаа рбеит арккаҩцәа. Аха иахьа абызшәа азеиԥш ҭагылазаашьа ауашәшәырахара иахҟьаны иҟоуп зҳәара ԥкхаз адиалект ажәақәа маҷымкәа. Еидаҳкылеит аԥсшәа абеиара узырбо, аинтерес зҵоу ҿырԥштәқәак:

• Ачаҩыр - а́шәҵыӷра
• Ачамчамыта - адыӷры́жәа
• Ачаҳаржә - аҳалы́жәа
• Аилаџь - ачамы́қәа
• Адәыкрын - аҵәа́раса
• Аԥшԥаҵа - ахпыпы́н
• Ажьаӷьрҩага - ахьырхьы́н
• Аӡыркәи - абгары́мҵ
• Аинцәыш - ахьынџькәыкәы́р
• Аҽвакы - амаркәа́ԥа

Шәаргьы иацышәҵа.

🧡 Ахьыуардын шәақәтәа
Please open Telegram to view this post
VIEW IN TELEGRAM
👍185
Ахьыуардын
Адиалектқәа — абызшәа иабеиароуп. Аӡиасқәа амшын иалало аԥсы ҭакны ишырку еиԥш, даргьы абызшәа змырԥсуа, ахьхьаҳәа иҵхәраауа ӡыхь цқьақәоуп, изҳәо ыҟанаҵ. Аҳәашьҭыбжь аҿоуп абызшәа аԥсы ахьҭоу, мамзар аԥсышәала аҩышьеи аԥхьашьеи рдырра мацара азхозҭгьы, ашкол…
Маадан Сақаниа иҿцәажәахьаз абызшәадырҩы Емма Кьылԥҳа иазгәалҭон иажәаҳәа ажәлар рзеиԥшбызшәа ишазааигәаз, адиалектқәеи аҩыратә литературатә бызшәеи ишрыбжьагылаз, ишеиԥнашьуаз. "Ажәаҳәаҩ ду иажәа ладеи-ҩадеи ажәлар зегьы ирзынархоуп, иҭышәынтәалоуп, адиалектқәа инархыҳәҳәоит, абызшәа аԥсеивгарҭақәа збарҭоу, уи амчхара знапаҿы иаазгахьоу иоуп" ҳәа дихцәажәоит.

Иахьа, асду анлеиз ашәны, ҳаԥхьап иара дызхааныз ари аҭоурыхтә хҭыс иахиҳәаалаз, иҟалахьоу ажәабжь.

***

Аԥсаса рацәаны иҳаман. Иҭарапаны амӡырхаҿы агәара иҭагылан, аҭәа руҭар акәын. Ҳҭәа маҷхо иалагеит. Ҳара аишьцәа хҩыкны арахә ҳаман, аҭәа маҷхо ианалага Гәдалиа Ҵыу ҳәа дыҟан, аҭәа рацәаны иман – имчандыр еиқәҵаны х-ҭәаҟәак. Малыҳә-иԥа Лази Ҭагәагәагьы – саб иашьа иакәын, ҭаҳмадацәан, иҩеин Ҵыу иыҳәеит. "Аҭәа сҭиуеит, аха хынҩажәа мааҭ искуеит ҭәаҟәак", – иҳәеит. Хынҩажәа мааҭ, усҟан ауаса х-мааҭк ҳәа иуоуан, иԥара хьанҭахеит. Илагьежьын иааит.

Адырҩаҽны Алхас Ачба дааит, ҩыџьа арԥарцәа ӷәӷәақәа ицны, рышәи ашьҭа дыхгыланы.
– Шәышԥаҟоу Лаз, шәышԥаҟоу Ҭагәа́гәа? Шәыԥсаса ахьымӡӷ рықәыжәгоу, ишәызнырхоу? – ҳәа дҵааит.
– Ҳҭәа маҷхт, Алхас.
– Измоу дыжәдыруама?
– Ҵыу имоуп аҭәаҟәа егьа ҳҭахызаргьы, аҭәаҟәақәа хԥаны, идуны.
– Шәаала, аҭәа злаажәгаша аҿаҳәагақәа аахәаны, – иҳәеит.
– Аахәага ҳәа егьҳамаӡамеи...
– Шәаала анысҳәа, шәаала! – иҳәан, агәырқьҳәа ҳҳәоуны [ҳхәоуны]
ҳлаишьҭаланы, Ҵыу иашҭаҿ ҳлеины ҳлатәеит.

Ҵыу ҳәа ҿырҭит, длеит. Убас диазҵаауеит Алхас Ачба.
– Ҵыу, абри асы цап угәахәуоу?
– Амш бзиахар, амра ԥхар имцои, – иҳәеит.
– Абри аҭәа ахьурхыз уаҳа аҭәа гылап угәахәуоу?
– Аԥхынра ҟалар имгылои, – иҳәеит.
– Нас еиҭаумырхои, умчандырқәа рҿы ианурхлакь инеиқәыумҵои... Арҭ рыԥсаса нҵәоит, аҭәа шԥарыумҭоз? – иҳәеит.
– Ирысҭт, аха ирымгеит, – иҳәеит.
– Исбарыуҭа? – ҳәа дҵаан.
– Хынҩажәа мааҭ акы, – иҳәеит.
– Уара, руасақәа зегь рҭииргьы хынҩажәа мааҭ роуӡом, уҭәахә узымдырт, Ҵыу! – иҳәан, иџьыба инапы лҭишьын ҩажәеижәаба мааҭ ахьы аацәыригеит, жәыхә-жәыхә мааҭ ҳәа ҩ-ҭәаҟәак.
Ҵыу ахьы имго далагт, аха Алхас ианииҭа имгар ҟаломызт, игеит. Аҭәа ҳҩықәлан ихаҳҵәан, аҭәаагара ҳалагеит.

Алхас убас иҳәеит: "Абри аамҭа дамыӷоуп, аԥсаса змаз шәҿытә убри еиԥш ацхыраара иҟасҵаз, Алхас иԥарақәа иаҳҭоит ҳәа анышәҳәа уаҳа шәчеиџьыка сфом. Шәгәы иамуӡар, шьхацан сыск сзынашәҭир, сшәықәныҳәоит", – иҳәеит.
Ҭабуп рҳәеит. Алхас Ачба абриаҟара анхацәа рзы игәа́кын, ацхыраара дуқәа риҭуан.

📖 "Рышәи ашьҭа дыхгыланы" араҟа еиҭагатәуп "он шел шаг в шаг с ними" ҳәа, иаҿшәырԥш убасгьы "а́шәи-ҭышәи днеиуам" (не сделает и шагу), "шәи-шәиы́ дынкыдгыло ақыҭа дрылан" (он ходил по селу, заходя то к одним, то к другим).

🧡 Ахьыуардын шәақәтәа
Please open Telegram to view this post
VIEW IN TELEGRAM
👍166
🎄❄️ Аӡынтәи Риҵа асахьақәа

"Ишԥассиру аԥсабара! Шәыԥшы ашьхаҟа! Ҽаанбзиала, иҟәашӡа, меигӡарахда иқәнажьуеит. Риҵа ҭалаҳа изыхьчо аԥсаҵлақәа зегьы аԥҳәаҟәақәа реиԥш ихәаԥ-хәаԥӡа ауапа шкәакәақәа ршәырҵеит. Абри акәзаарын иахак ажәҩан иалагоз. Иахьа? Ажәҩан ашҵа ӡмыжь ду аҟны, аԥсразы ихәшәызар ԥҭацк узыԥшаауам, агәыр аҵаршәзар иубоит.

Ҳдәықәлап Риҵаҟа. Мзашала, ԥсафҩыла ҳарԥҳақәа рҽынеиҵырхп, рҽааиҵырхп, рыҽдырдап. Иҿацаӡа, иџьбараӡа аԥсҭа ҳауала ичап ахәыҷқәа. Урҭ нылагылап асы быбк, сеигәыдҵа ҟарҵап, иҩызӡа ишьҭоу асы илабылгьап, еиларжәжәап. Зегь раԥхьаӡа аӡын иаԥылап.

Ахьышәҭҳәа ҳнаҵаҟьеит ҳхы рханы. Ахәырхәырҳәа архәарсҭақәа ҳрываҵәиаауеит. Риҵа џьашьахәы амҩа ҳануп. Ҳарӷьарахь ала Бзыԥ аӡиас анаҟә хшьшьыла, иқәԥақәсуа илеиуеит. Уи аԥаҩқәа рҟны изхагылоу аԥса дуқәа ирықәырҩы илеиуа асы абақ-чақҳәа ианӡааҳалалакь аӡы ацԥхьқәа дәықәнаҵоит, нас иҿыӡҭаауа, маҷ-маҷ илӡаашьшьыло аҿыланахоит. Ҵәит-ҵәит дыргоит наҟ-ааҟ аӡиас ихԥрааланы ицо аҵысӷрақәа. Ҿықә-ҿықә рымшуп аиқәарақәа ирхәыҵԥраауа ардәынақәа. Абар асы аҳәалыҳәа иахьауаз ҳааит..."

Анатоли Возба иажәабжь аҟынтә

🧡 Ахьыуардын шәақәтәа
Please open Telegram to view this post
VIEW IN TELEGRAM
19👍7
📌 Ажәа бзиоуп

Шарԥны́ – Рождество

Иахьатәи аныҳәа лаша Қьырса даҽа хьӡыкгьы амоуп аԥсшәаҿы: Шарԥны ("перед рассветом"). Иҟалап, Аԥсҿыхҩы дышиз азы идыргахаз, хәланы ицәырҵыз алашара ссир "Вифлеемтәи аеҵәа" ҳәа изышьҭоу иахылҿиаазар. Шарԥны́ҳәа – Рождественское моление.

"Қьырса" ныҳәахьӡык аҳасабала иахьа зегьы еицаадыруеит, аха ақьырсианра каҳаны ианыҟаз аамҭақәа рзы ажәа ахархәара амамызт, абжьыуатәи адиалект еиқәнархеит – В. Касланӡиа ижәар аҿы ишазгәаҭоу ала (иара абжьыуатәи адиалект агыршәа аҟынтә иаланагалеит – Б. Џьонуа).

"Шарԥны" еицеиԥшны ҳабызшәа иалоуп, ашәуаагьы ирҳәоит. Шарԥны иаҵәа, Иаҵәаш, Шы иаҵәа, Хәлаԥын иаҵәа – егьырҭ иаарулыкаауа илашо апланета Венера азы ирҳәо хьыӡқәоуп.

Қьырса иира акрызҵазкуа мшуп адунеи зегьы азы, ҳашықәсԥхьаӡара ахы зкыз хҭысуп. Ҳабдуцәа ныҳәа дуны иаԥылон, Қьырсамза, Қьырсамца ҳамоуп. Шәадныҳәалаазит иазгәазҭо зегьы! 🙏

#ажәа_бзиоуп

🧡 Ахьыуардын шәақәтәа
Please open Telegram to view this post
VIEW IN TELEGRAM
👍269❤‍🔥4🙏3
Ахьыуардын
📌 Ажәа бзиоуп Шарԥны́ – Рождество Иахьатәи аныҳәа лаша Қьырса даҽа хьӡыкгьы амоуп аԥсшәаҿы: Шарԥны ("перед рассветом"). Иҟалап, Аԥсҿыхҩы дышиз азы идыргахаз, хәланы ицәырҵыз алашара ссир "Вифлеемтәи аеҵәа" ҳәа изышьҭоу иахылҿиаазар. Шарԥны́ҳәа – Рождественское…
This media is not supported in your browser
VIEW IN TELEGRAM
Аԥсуаа даара ҳаҭырла-патула Қьырса ишазыҟаз узырбо ҳмилаҭ традициақәа ируакуп аӡатә ақәыргылара. Аԥсуаҭҵааратә институт аиҳабы, аҵарауаҩ Арда Ашәба арадио Sputnik аефир аҿы дазааҭгылеит уи шыҟарҵоз, нас ҵакыс иамоу.

Иара ишиҳәо ала, ақьырсианра ахаҭа ианыԥшит, абызшәагьы еиқәнархеит ажәлар рҿы абзиабара иамаз.

"Аҭыԥҳа хаҵа данцалак арахәҭиаа алымҳа хҵәаны, "аӡа́тә" ахьӡҵаны илырҭон. Мчыбжьык-ҩымчыбжьа аԥараҿырпы, агәара́шь ("грош" — адм.) ҳәа ззырҳәо, икылҵәаны лыхәда иахан иӡатәны. Арахә илырҭоз макьана ашҭа иҭымҵыц, ҿыц зан иаҵнацаз, ицқьаз акәын. Лаб дыҟазар алымҳа рҟьаны иоуишьҭуан, мап анакәха лашьа иҟаиҵон, иахныҳәаны илырҭон. Аӡатә ацә ахшар, Қьырсаныҳәа нахыс иршьуан, мрагыларахь рхы рханы иныҳәаны. Ари акәац аҭира ҟалаӡомызт, арыцҳахә ихәы ршон акәымзар. Иуҵаар, ма иуҵәахыр ҟалаӡомызт, аҩны иааиуа иҿоуҵон. Аҵша ахшар иршьуамызт".

Абри даара аинтерес аҵоуп: аӡатә аԥоуп шьтәыс иҟарҵо, Иаса Қьырса (Аԥа) идырны ҳхаҵкы дышцаз еиԥш.

Аӡатә ажәа ахаҭа "отмеченный" ҳәа еиҭалгоит аетнограф Лили Акаба. Ашьагәыҭ аӡ'ара́ (скрывать, оберегать) аҟынтә иаауеит уҳәаратәы ишыҟоугьы, "адырга" аҵакгьы зынӡа иацәтәымым. Алахь-аџьымшь аӡатәраперекреститься = поставить на себе печать/защиту Христа), сузӡа́тәуп "я готов принять смерть ради тебя".

🧡 Ахьыуардын шәақәтәа
Please open Telegram to view this post
VIEW IN TELEGRAM
👍187
Аиуара-аҭынхара иахҳәаау аԥсуа жәаԥҟақәа

▫️Ажьра ахала аҽадыруеит.

▫️Ауа бзиа угәаҟра дахьӡоит.

▫️Ууа бзиа иуиҭо ҟәнумшьан.

▫️Ууа бзиа иумҭаз ухаҳауам.

▫️Агыцхәы бааԥс еснагь угәыхь угәалаиршәоит.

▫️Ауа бааԥсы дыԥсгәаларшәагоуп.

▫️Ажәла зражәуа аԥсроуп.

▫️Иашьа дызмам амба шьаҟа гәыдикылон.

▫️Ашьеи аиашьеи.

▫️Атәымааӡара илеишәа ҷыдахоит.

▫️Ажьрацәара еилазгаз аҵан дырҩызоуп.

▫️Аҭынхада дымшхәыдоуп.

▫️Ҭынха дызмам нцәагь димам.

#ажәаԥҟақәа

🧡 Ахьыуардын шәақәтәа
Please open Telegram to view this post
VIEW IN TELEGRAM
👍186
Ахьыуардын
Аԥсуаа ҳаԥсабара ажәа ссирқәа арҿиеит. Шәахәаԥш А́гашьха (прибрежные горы). Риҵаҟа уаныбжьалалак, Бзыԥ еиҩнашо аҳаракырақәа ирзеиԥш хьӡуп. Ԥыхьатәи ҳанҵамҭақәа руак аҿы иаҳҳәахьан Гәдоуҭеи, Аҟәеи, Очамчыреи ажәытә аԥсуаа "Ага" ҳәа шырзырҳәоз. Уамашәа ибатәым…
ГАГРА

Ацәқәырԥақәа укалҭ иахьысуа,
Иҿыпуеит иччо.
Ихьшәашәаӡа аӡыхьқәа иугәылсуа
Илеиуеит илбааҽҽо,
Ухан дуқәагьы ӷьазӷьазуеит
Ушьха ашьапаҿы.
Аԥсшьаҩцәа неилыс-ааилысуеит
Лбаа аԥшаҳәаҿы.
Убаҳча ссирқәа еихык-еиҵыкны,
Избоит иахьа ара.
Гагра, иуҭааз зегьы еизгәыкны
Иаҿуп аԥсшьара.
Ишԥассиру уҳауа еинҭәыла,
Ишԥахаау уԥша!
Зыԥсы зшьауа ҿыц мчыла,
Иацырҵап рылша!
Идуӡӡоуп урҭ руеишьара,
Ирықәԥхауеит мракы.
Уи ҳ-Аԥсадгьыл мра лашара
Ауп ирызгәкы.

Шамил Ԥлиа, 1950

📎 Ажьырныҳәа 9 Гагра курорт қалақьны ашьапы анакыз амш азгәарҭоит, ҳҭоурых иахәҭакуп уигьы. Иҳаҩсыз ашықәс гаграа назлоу агаҿаа жәпаҩык акырӡа рымч ашәеит аԥсабара, ирбаз рызхазааит, Анцәа цәгьара рзааимгааит уаҳа.

🧡 Ахьыуардын шәақәтәа
Please open Telegram to view this post
VIEW IN TELEGRAM
😍11👍86
Анцәа ҳазшаз ауаҩы абызшәа анизишоз, аԥсабара ашьҭыбжьқәа зегь ааизиган аԥсшәа алихын ииҭеит, иумырӡын ҳәа. (Ажәлар рҳәамҭақәа рахьтә, ианиҵеит Заур Быҭәба)

Аԥсуа цәа хаа зхоу ажәасақәа:

Иҿы пату ақәиҵоит (иакәым ажәа иҳәом).

Ахаҳə дазыӡырҩны амаӡа еиликаауеит (ихшыҩ ҵаруп).

Ахаҳә рҩаны аӡы алихуеит (амал арҳашьа идыруеит).

Аҽыкәаша иаԥсоуп (даара зыхә ҳараку акоуп).

Рцәыкәбарқәа еилаҭәоит (еигәылацәа ааигәақәоуп).

Лабалаԥса деибамыргеит // Напхаԥса деибамыргеит (ишбзиоу еиԥырҵит; аӡәгьы даҵамхеит).

Ртәашьа алақәа аишуеит (итәанхалеит; рыбжьы дырцәгьеит).

📖 Ацәыкәбар бзыԥтәи адилект аҿы ҩ-ҵакык шьҭнахуеит: капля; водосток

🧡 Ахьыуардын шәақәтәа
Please open Telegram to view this post
VIEW IN TELEGRAM
👍214
Ахьыуардын
Хьылаҵара иамшуп! Иаха Аԥсны иреиҳаӡоу аныҳәақәа ируаку, ҳазҭоу амза ахьӡ азҭазгьы Ажьырныҳәа (Хьачхәама) ҟарҵеит. Ԥсуала Ажьырныҳәа ашықәс ҿыц аҭалара иазкуп, ари аҩыза ашықәсԥхьаӡара ажәытә иулиантәи амзар иақәшәоит. Иахьеи-уаҵәи ауа-аҭахы, агәыла-азла…
"Ахьи араӡни ҷах-ҷах!"

Уажәшьҭаҵәҟьа Ашықәс ҿыц ҳҭалеит, ҽаанбзиала ҳәа еибаҳҳәап ҽазнык! Аҭаацәа ду еибазырбо, агәырӷьа зцу Ажьырныҳәа шәадныҳәалазааит зегьы! Ҳныхақәа рдоуҳа цқьа, рдоуҳа џьбара иацырҟьоу ажьыреи ахьиреи ирыҵагылаз, макьанагьы ԥшӡала ирыҵагылараны иҟоу, рылԥха-ргәаԥха шәымазааит! Абри аҩыза ахныҳәара ҳабацәа ишаҳдырбаз еиԥш, ашәышықәсақәа иргәылганы иаазгаз аԥсуа жәлар хьаа-баа рымамкәа, ҩнаҭацыԥхьаӡа рду-рхәыҷы еиҵаҩҩы Анцәа иҟаиҵааит!

Ажьырныҳәа аԥшьыргеит идгьылтәым амч знапаҿы иаазгаз, адырра ҷыда иалахәны иԥхьаӡаз ажьицәеи ахьицәеи: аханатә Шәашәы Ахьаҳ ду ихьӡала ацәашьы збылуаз, иныҳәоз дара ракәын. Ажьицәа қыҭацыԥхьаӡа иҟан, хьыӡҳәала ирдыруан, пату ду рықәын. (Ажьи иҩнаҭаҿы иааӡаз ахәԥҳа дыԥсыргьы ҭаацәала ашәы ршәырҵомызт, ҳәа азгәеиҭон Чурсин). Ишнеиуаз ажәлантәқәа, аешьара рҽааидкыланы, рышьтәа, рмарҭхәқәа рыманы ацәашьхәы зкыз ажьи иҿы рхы рныҳәо иалагеит, амзашәахәа рықәҷҷа.

Ажьи бзиа иҟазара иҿызҵаауаз амаҵаԥацәа идкыланы иман, ус хәыҷы-хәыҷла иазҳауан ажьыра амаа зкуаз, "иақәиҭхоз" рхыԥхьаӡара. Аишьцәа хаз-хазы ианеиҿыҵуаз аритуалтә ҟазшьа шьҭызххьаз иаргьы аҿыргон (ажьыра аиҳабы, аиҵбы ҳәа иҟоуп), абасала Ажьырныҳәа // Хьачхәама иахьа ҳазхаану ҭаацәалатәи аныҳәарахь ииасит. Убри иазҳәоуп амҩаԥгараҿы иҟоу, аҭҵааразы аинтерес дуӡӡа зҵоу аивгара ссақәа, доусы ишрықәу еиԥш иаԥылоит, аха агәыцә, аҵакы хада еиԥшуп, еиқәырхоуп. Ажьырныҳәа ахԥатәи азқьышықәсанӡа иааӡаз, амчра ду змоу, агәрагара зцу ԥсыуа ныҳәоуп.

🧡 Ахьыуардын шәақәтәа
Please open Telegram to view this post
VIEW IN TELEGRAM
13👍9🙏3
Forwarded from Ахьыуардын
Ажьира змамыз ишԥаҟарҵоз?

Ажәытәӡа аахыс ажьира шьҭрала иаауеит. Ари аныхахә иатәым игәаԥханы ишьҭихыр аниҭаххоз, аныхаԥааҩ дизцар акәын, ажьира иахагылоу, уи амаҵ зуа. Аԥҳәыс уахь анеира азин лымаӡамызт, ианамуӡах, аԥҳәыс цқьа днарышьҭыр ҟаларын.

Ажьира ашьҭыхра зҭахыз ҩынҩажәамш ажьи иҿы дыҟазар акәын, уи иааиҳәоз зегь ҟаиҵон, амаҵа́ԥа ихьӡын.

Иикуа-иишьҭуа, хыччарак амамкәа ажьи дидгыланы ари аҿҳәара неигар, ихы дақәиҭтәны дныҳәаны, ибӷа инапы нкыдшьыланы ацәашьы ииркуан: "Иахьарнахыс уақәиҭуп!" ҳәа иаҳәаны.

📖 Амаҵа́ԥа – подмастерье (ажьира амаҵуҩы иԥа – "сын" служителя кузни)

Ахыҵхырҭа: аҵарауаҩ Арда Ашәба

🧡 Ахьыуардын шәақәтәа
Please open Telegram to view this post
VIEW IN TELEGRAM
👍206
"Иҭабуп, Анцәа, сахьахьугӡаз сҳәатәы,
Ҳәашьа змамыз, ҩышьа змамыз са сыҩтәы,
Иаанумыжьит, исымумхит мҩабжара,
Исаҭәоушьеит иҟаз шыҟаз аҳәара,
Иреиҳау ҳамҭак уа уахьтә саҳәомызт сара!"


Аԥсны Жәлар рпоет Мушьни Лашәриа имшироуп иахьа, гәыкала идаҳныҳәалоит! Аԥсуаа хыԥхьаӡарала ҳмаҷзаргьы ҳажәла́р дуны ҳҟазҵо, хараӡа ҳахьӡ ӡырызго ҳбызшәа, ҳсахьажәа аихаҳа-еиҵаҳара зыԥсҭазаара зегь азызкыз, збаҩхатәра уарҭаслымуа арҿиаҩы.

Амилаҭ рхаҿра аиқәырхараҿы асахьаркыратә литература зыԥсахуа, уи иалшо зылшо, иареиԥш узааӡо даҽак ыҟаӡам. Иахьа адунеи ахы иаасуа адоуҳа аҵшәаара ианаҿу аамҭазы абас дыӷәӷәаӡа, дҳаракӡа, дгьыли жәҩани еимаздо, зыҵжаареи зырбгареи амуа баашны дахьҳамоу насыԥуп. Ҽаанбзиала днеилааит агәабзиара, агәамч, агәалаҟара иманы!

🧡 Ахьыуардын шәақәтәа
Please open Telegram to view this post
VIEW IN TELEGRAM
👍257
🏛 Абырзен хылҵшьҭра змоу ахьӡқәа аԥсышәала ишцәажәо

Арсана — ахаҵара злоу (Арсений)
Архьыпаҽар рԥыза (Архип)
Анатол — мрагыларатәи (Анатолий)
Гьаргәал — арлахҿыхҩы, лацәеихьшь ҟазымҵо (Григорий)
Гьаргь — адгьыл ақәаарыхҩы (Георгий; Жорж; Джордж)
Дырмит // Митра — адгьыл анцәахәы Деметра илызку (Дмитрий)
Еугьан; Авдениа — аамсҭашәа, ақьиа (Евгений, Евгения)
Елана — иалкаау, илашоу (Елена)
Ерасҭа // Ерысҭоу — бзиа ирбо (Ераст)
Зина // Шьазина — Зевс иԥҳа (Зинаида)
Зоиа — аԥсҭазаара (Зоя)
Иарна — аҭынчра (Ирина)
Кристина // Христина — Қьырса зхы изызкыз
Леонид — алым аԥа
Нестор — зтәылахь ихынҳәыз
Платон — зыжәҩахыр ԥҽаҽоу
Петра — ахаҳә (Петр)
Сандро — ахьчаҩ, ахаҵа (Александр)
Сҭеԥана — амацәаз, ахырқьақьа (Стефан)
Тарас // Ҭарашь — агәаҭеи
Фаина — илашо, икаԥхо
Харитон — агәыкы

📖 Аҽа́р - конница

#ахьӡқәа

🧡 Ахьыуардын шәақәтәа
Please open Telegram to view this post
VIEW IN TELEGRAM
👍317
Ҳаӡынра аԥсы ахазҵо аԥсаатәқәа иреиоуп ардәынақәеи архьынақәеи. Бжьы хаала аҟармаҵыс иамазкуа шәаҳәацәоуп дара, еиҳаракгьы ааԥын ашацкыраз амра ашәаԥшь анаавҵнаго угәы ҟарҵоит. Ҳаԥсабара хкы-хкыла илоуп, рыхәҭак аӡын ара ирхыргоит иҿықә-ҿықәуа, рыхәҭак атәыла ԥхаррақәа рахь ицоит (Кипрҟа), ахьҭа рычҳаратәы иҟоуп, аха афатә рыцәмаҷхоит асы анлеилак. Акәтаӷь ихырҵо жәҩангәыԥштәылоуп.

Ардәынақәа зынӡа 90 хкы рҟынӡа азгәарҭоит, адунеи адгьылқәа зегьы ирхуп, Урыстәыла 20 хкы ыҟоуп, Аԥсны иуԥылақәо рахьтә иааҳгоит абарҭ:

А́рдәына – черный дрозд;
А́рдәына хәҵыш – белозобый дрозд;
А́рхьына, адәы́рхьына – серый дрозд;
А́рхьынаду, архьынра́ҳ – дрозд-деряба, вид крупного серого дрозда (букв.: царь дроздов)
Аҳа́аҵә рхьы́на – рябинник.

Касланӡиа ижәар аҿы иаҳԥылоит иара убас ахьнырҳа́ҳ, ажьаӷьы́ржьаӷь (большой серый дрозд), "архьынраҳ" иавариантзар ҟалап, цәажәашьак аҿы инарҳәаарҳәхеит.

▫️ Еилырџьџьа хәҵыш араԥ-цәа зхәаччо (белозобый дрозд), абри ацуфара сахьарк еиҳагьы ухаҿы иаанхоит иара зызкыҵәҟьоу аԥсаатә хкы уанахәаԥшлак.

▫️ Аҳ иашҭа рацәак ҭаршәуп (черный дрозд), зыхӡы еиқәаҵәоу арбаӷьқәа мацара роуп.

🔸 Ардәына шәкыла ашәақәа здыруан, аха ахьшь анысӡывас зегь схашҭит аҳәеит (Ажәаԥҟа). Ашәара иазку ари асиужет ала Миха Лакрба ажәабжь хәыҷык имоуп "Ашәаҳәара иаҟәыҵыз ардәына" ҳәа.

#аԥсаатәқәа
👍208
This media is not supported in your browser
VIEW IN TELEGRAM
Ҳаит абааԥсы, иааҳзыҟалаз закәи, анаџьалбеит! Амилаҭ сахьатә галереиа аҵәахырҭа ауразоуроу амца акын иблит, иҳақәшәира иқәшәира... Ахьтәы фонд ҳәа изышьҭоу зегьы ццышәхеит – иреиӷьӡоу аҟазацәа рнапы иҵыҵыз ԥшь-нызқь сахьа, раԥхьаӡатәи аԥсуа сахьаҭыхҩы Александр Чачба итәқәагьы налаҵаны.

Шықәсыла аҳәара рыгӡамызт акультуразы згәы былуа ауаа агалереиа ахатә хыбра амазароуп ҳәа, аха уанахьӡалак ҟамлозаап. Иаҳзеиқәмырхеит, иаҳзымхьчеит. Гәалсра дууп. Еицәоу ҳаумырбан, аха ари хнырҳәышьак змам цәыӡуп. Амықәшәатә!

🧡 Ахьыуардын шәақәтәа
Please open Telegram to view this post
VIEW IN TELEGRAM
😭24💔11😢54🤯2
Ахьыуардын
Ҳаит абааԥсы, иааҳзыҟалаз закәи, анаџьалбеит! Амилаҭ сахьатә галереиа аҵәахырҭа ауразоуроу амца акын иблит, иҳақәшәира иқәшәира... Ахьтәы фонд ҳәа изышьҭоу зегьы ццышәхеит – иреиӷьӡоу аҟазацәа рнапы иҵыҵыз ԥшь-нызқь сахьа, раԥхьаӡатәи аԥсуа сахьаҭыхҩы Александр…
This media is not supported in your browser
VIEW IN TELEGRAM
Зхы ахьыҟоу здыруа ихәамц еибгоуп, ҳара ҳтәы иахьа хәҭакахьала еимгәаблуп. Изыхҟьазаалак, изынԥазаалак ари ахҭыс, мшыӷәӷәа ныҟәа ҳнеихьаны џьара ҳшымҩахҟьаз унарбоит. Егьа уҳәаргьы уажәшьҭа изхәарҭои акәымзар. Ҟәыхқәак ахьеиқәхаз Анцәа иџьшьоуп, гәыҟажагас ишмаҷӡоугьы.

Ҳазҭалаз ашықәс алагашьа уаргачамкуеит, уареиџьыԥуеит, аха аԥсрада хәшәы змам егьыҟам рҳәон ҳабдуцәа, ҳгәыӷлап мышкызны ҳкультура иаиуз ааха хьазыршшо аусумҭақәа ҟалап ҳәа.

Авидео аҿы: Амилаҭ сахьатә галереиа анеибгаз

🧡 Ахьыуардын шәақәтәа
Please open Telegram to view this post
VIEW IN TELEGRAM
😢15💔93😭2
Аҵых еиқәа, ԥсы қым-қым,
Аҵых еиқәа, ԥсы ҟым-ҟым,
Ҷынҷа кәтаӷьны саларшәуп,
Иара ашәыга салашәуп.

Шьыци-қәыци арцәахьеит,
Маҷк агәашьамх амҵәахьеит.

Аҵых еиқәа, ԥсы қым-қым,
Аҵых еиқәа, ԥсы ҟым-ҟым.
Хәыцрақәак аҽрылаҳәа,
Зҭыԥ ихтәалоу сылаҳәа

Амҵәыжәҩақәа дысхахьеит,
Абла ихыз зегь ҭәыцхахьеит.

Аҵых еиқәа, ԥсы қым-қым,
Аҵых еиқәа, ԥсы ҟым-ҟым.
Изымқәацо сыхра ду,
Изымӡысуа сыӷба ду.

Гәыда-хыда саларшәуп,
Иара ашәыга салашәуп.

Рушьбеи Смыр

#алирика

🧡 Ахьыуардын шәақәтәа
Please open Telegram to view this post
VIEW IN TELEGRAM
💔19👍73