Ахьыуардын
Media is too big
VIEW IN TELEGRAM
Енвер Бзагәа аиааира ганы сыҩныҟа ҳәа Аԥсныҟа дааит!
Аҿари аспорти русқәа рзы аҳәынҭқарратә еилакы аҳәааҿы иԥылара еиҿыркааит шәаҳәарыла-кәашарыла. Ихаҭагьы дықәԥраа, ишьхәа ықәмырсӡакәа ԥсыуала дкәашеит. Изнаало ҳәа иҟами. Аҿар гәазырҳага, Анцәа анагӡара риҭааит!
🧡 Ахьыуардын шәақәтәа

Please open Telegram to view this post
VIEW IN TELEGRAM
👍20❤9❤🔥3
Аветеран Алықьса Шьониа ҳаниҿцәажәоз, ианашьоу аҳәынҭқарратә ҳамҭақәа реиқәыԥхьаӡара даламгакәа длафны иҳәеит: "Дад, урҭ рхыԥхьаӡара сгәалашәом, калаҭк азна ыҟоуп, – ҳәа, нас иациҵеит – абарҭ аҳамҭақәа зегь раасҭа сгәы аладууп Аԥсны жәлар рџьынџьтәылатә еибашьра ашьҭахь Аԥсны раԥхьатәи ахада Владислав Арӡынба иусԥҟала исанашьоу "Агәымшәаразы амедал".
Ҩ-еибашьрак зхызгаз ауаҩы, зхы-зыԥсы иамеигӡакәа аӷа иҿагылаз, аҭынч аамҭазгьы зџьабаақәа рацәоу, Ахьӡ-Аԥша аорден занашьоу Алықьса Шьониа изшаз алахьынҵала 101 шықәса ниҵын ари адунеи аанижьит. Иԥсаҭа лашазааит Аиааира ду ҳзаазгаз, ахақәиҭра иазықәԥоз ахаҵа! Ԥсра зқәым ахьӡ зчаԥаз дреиуоуп.
🧡 Ахьыуардын шәақәтәа
Ҩ-еибашьрак зхызгаз ауаҩы, зхы-зыԥсы иамеигӡакәа аӷа иҿагылаз, аҭынч аамҭазгьы зџьабаақәа рацәоу, Ахьӡ-Аԥша аорден занашьоу Алықьса Шьониа изшаз алахьынҵала 101 шықәса ниҵын ари адунеи аанижьит. Иԥсаҭа лашазааит Аиааира ду ҳзаазгаз, ахақәиҭра иазықәԥоз ахаҵа! Ԥсра зқәым ахьӡ зчаԥаз дреиуоуп.
Please open Telegram to view this post
VIEW IN TELEGRAM
🙏13👍5❤3
Аџьа зҩыда уаҩ дааӡоит
"Ауаҩы маха-шьахала дыӷәӷәазароуп, деилҟьа-еилӷәыцәӡа дыҟазароуп, дызҩыдазароуп. Убри азы иаҭахуп ауаҩы ибаҩ зырҵәуа, алаӡара иман дҟазҵо, аха дыхәжәаны дзымшьуа аџьа. Аџьа аханатә иаӡрыжәыз, иааӡаз дызҩыдахоит, игәеилгарагьы бзиахоит, иибо-иаҳауа гәникылоит, ииашан еилирго дҟалоит.
Дад, сара санахьӡа, абыржә узаҟароу санаҟараз аамҭазы, усҟан уажә ҳазну ашәышықәсагьы мгылацызт, иабатәиу зыӡбахә сымоу, аԥсуаа маха-шьахала иӷәӷәан, рҭеиҭԥш – ауаа нарҳақәа, рыжәҩахырқәа ԥҽаҽаӡа, рӡара аҵиар икылуршәарын, рылақәа ҭыԥхаауа, амца рҿықәыҳәҳә иҟан".
Азеижәтәи ашәышықәса иахааныз, 120 шықәса нызҵыз Мықәтәи абырг Аҩӡы Кадыр иажәақәа
Руслан Қапба ишәҟәы "Аамҭеикәшара зегь азылагом" аҟынтә

👍11❤5❤🔥2
Ԥхынҷкәын 23, 1903 шықәсазы Жәандрыԥшь ақыҭан диит иналукааша аҳәынҭқарратә, ауаажәларратә усзуҩ Анатоли Аҩардан (120 ш.*).
Анатоли Аҩардан Аҟәатәи арҵаҩратә семинариа далгеит, апартиаҿы аҭакԥхықәра зцу амаҵурақәа ааникылон. 1930 шықәсазы иҵара иациҵарц Москваҟа дрышьҭит, Ааглыхратә академиа аенергетикатә факультет дҭалеит. Аҵыхәтәантәи акурс аҿы дыштәаз Аԥсныҟа даарышьҭуеит, Бзыԥтәи абнакомбинат аиҳабыс дарҭоит. Иахьа Риҵаҟа ҳазго амҩаду иара инапхгарала ичаԥан, Пицунда аӡбаарақәа ҭарбаан, убас иҵегь акрызҵазкуа аргыларатә усурақәа мҩаԥган.
1936 шықәсазы Аҟәа ақалақьтә хеилак (Горсовет) ахантәаҩыс далырхуеит. Иара ихаан иргылан Аиҳабыра рыҩны, асасааирҭа "Абхазия", Арҵаҩратә институт ахыбра, ашколқәа, ахәыҷбаҳчақәа, аҩнқәа, аихамҩа, апаркқәа, амҩадуқәа уҳәа. Асовет Еидгыла акыр далсхьан, Аԥсны ахаҿра арԥшӡаразы иаҭахыз аматериалқәа раагара хаҭала дахылаԥшуан.
Анатоли Аҩардан зыԥсадгьыл ашәҭыкакаҷра, аӷьацара иашьҭаз ҵеи лашан, иажәахәқәа, иқәгыларақәа, икьыԥхьымҭақәа, исаламшәҟәқәа зегьы ирныԥшуеит уи. Истатиақәа руак иахьӡуп "Аҟәа баҳча-қалақьны иҟаҳҵап" ҳәа. Зылаԥшҳәаа ҭбааз, зыуаҩра ҳаракыз, аиашареи ацқьареи ныҟәызгоз иакәын. Дқәыԥшны ажәеинраалақәагьы иҩуан, 1919-1920 шш. рзы иҭыҵуаз агазеҭ "Аԥсны" адаҟьақәа ирнуп.
Ас иҟаз арепрессиа ашықәс еиқәаҵәақәа раан аԥхьаӡа иргыланы иаԥырырхуан. 1937 шықәса цәыббрамзазы дҭаркуеит, Нестор Лакәаба имҩаԥигоз "аконтрреволиуциатә усура далахәын" ҳәа ахара идҵаны ддырӡуеит, 35 шықәса дырҭагылан.
Даныргоз иԥҳа хәыҷы Ирина жәымыз лхыҵуан. Иара иааишьҭарххны иԥҳәысгьы дҭаркит, аха деиқәхеит, хәышықәса Сибра илыхганы дааит. Аби ани ирызку аԥҳа лгәалашәарақәа шәрыԥхьар шәылшоит абра>>
*Ирина Ҩарданԥҳа лаб изку лышәҟәаҿы (Дочь за отца отвечает, 2018) даниз арыцхәс иалырбоит ԥхынҷкәын 25, 1905 шықәса.
Асахьаҿы: Анатоли Аҩардан иԥшәмаԥҳәыс Вероникеи иареи, аҭаацәара рархив аҟынтә

👍11❤4
🧩 Ажәахырҿиаара
❄️ Ӷыҵы́мзаԥ – декабрь
Ԥхынҷкәын ахьӡқәа ируакуп, ианиҵеит Омар Беигәаа, (иҭабуп ҳәа иаҳҳәоит иҳаҵазҳәаз ҳаԥхьаҩ). Ԥшь-шьаҭак реилаларала ишьақәгылоу ажәоуп: ӷы-ҵы-мза-ԥ = аӷыҵалара амза (первый зимний месяц, букв.: "месяц вступления в зимний период").
Аӷыҵалара (аӷыҵсра, аӷыҵгара) ажәагьы еиҿышәшәоит аӷ (крупный град; ненастье) аҵалара ҳәа. Иҟалап, ари ажәа аниуаз ажәытә аамҭақәа рзы аҳауа ҭагылазаашьа зеиԥшраз ала, ас-ԥал аиҳа ас-иӷ ауазҭгьы.
Иаҳԥылоит аӡын иадҳәалоу егьырҭ ажәақәа рҿгьы: аӷырӡы́хь (морозный), аӷырҷы́хь (очень холодный), аӷы́жәара (зимовать в гостях), а́ӷын (зима, абаза бызшәаҿы еиқәхеит), аӷны́жәҩан (зимнее хмурое небо), аӷны́мш (зимний холодный день).

👍16❤4
Аԥсуа бызшәа заатәи анҵамҭақәа ҟазҵаз ируаӡәку афранцыз дипломат, ашәҟәыҩҩы Жак-Франсуа Гамба́ диит ԥхынҷкәын 25, 1763 шықәсазы (260).
XIX ашәышықәса актәи азбжазы Кавказ ладеи ҩадеи иалсыз аныҟәаҩцәа дыруаӡәкуп. Аԥсны ҩынтә даҭааит — 1822, 1824 шықәсақәа рзы, ҳагәхьаа даганы ҳәа акәым, ихатә усқәа рҵыхәала: Европеи, Урыстәылеи, Азиеи рыбжьара ахәаахәҭратә еимадарақәа рышьақәгылара дашьҭан, Қарҭ консулс дтәан.
Иҭынхеит аинтерес ду зҵоу ахсаалақәа, асахьақәа, атлас. Аԥсынра ду аҩадахьтәи аҳәаа Тҟәаԥс аҩахыс, Геленџьик азааигәара иаирбоит, Аԥсынра хәыҷы — Ашәтәылан. Акыр еицакны акәзаргьы, ианиҵеит аԥсуа ҭыԥхьыӡқәа жәпакы, ижәар аҿы иарбоуп аԥсуа ажәақәа хынҩажәаҟа.
Гамба иазгәеиҭоит аԥсуаа ашхәа аҟаҵараҿы ишҟазацәоу, Аҟәа иблала иибаз, 25-ҩык зкуа ашхәа аиҿартәышьагьы ҭихуеит. Иара ихаан Аԥсны иаархәоз тауарқәас иҟан ҟрымтәи аџьыкахыш, иара убас ахи-ахәшәи, иҭҟьоз абџьар, аҟамақәа, асахҭан. Арантә иалганы иргон ашыц; аԥыҭҳәа, ацыӷ, аеш цәақәа (шкуры рыси, куницы и белки); ацәацқьа (пчелиный воск); атәцәа.
Гамба ианҵамҭақәа инҭырҳәцааны дрыхцәажәахьеит абызшәадырҩы, апрофессор Виачеслав Чрыгба. Иара игәаанагарала, аныҟәаҩ информантцәас имазар ауан гәыматәи ацәажәашьа зҿаз аԥсуаа, амҳаџьырра ҟалаанӡа Кәыдри Шыцкәареи рыбжьара ҭырҭәааны инхоз.
Асахьақәа: 1. Аԥсны ахсаала, 2. Аҟәа, 3. Аԥсуаа рышхәа

👍16
Ахьыуардын
Аԥсуа бызшәа заатәи анҵамҭақәа ҟазҵаз ируаӡәку афранцыз дипломат, ашәҟәыҩҩы Жак-Франсуа Гамба́ диит ԥхынҷкәын 25, 1763 шықәсазы (260). XIX ашәышықәса актәи азбжазы Кавказ ладеи ҩадеи иалсыз аныҟәаҩцәа дыруаӡәкуп. Аԥсны ҩынтә даҭааит — 1822, 1824 шықәсақәа…
Ҩышә шықәса раԥхьа аԥсуа хаҵа (аибашьҩы) иеибыҭашьа шыҟаз узырбо, Гамба инапы иҵыҵыз асахьа.
Имаҭәа-ҩыҭәа: акәымжәы ишәуп, ауапкьаҿ ижәҩахыр иҭарԥоуп, амаҟа имӷоуп, аимаа, аимсы ишьоуп. Аҟама иҟәнуп, аҳазырҭрақәа игәышԥы икыдуп, ашәақь аҭаҳәҭеи иҭаҵаны изқәа икыдуп.
Аҭаҳәҭеи//аҭыҳәҭа (чехол для ружья) хәымсысӡа ашәарах цәа иалхны иҟарҵон, анаӡара қәак-сык алымсырц, абџьар бахҵәаӡа инхарц. Аҭаҳәҭеи ашәақьи аиҵаҵага лабеи ҭан.
Дшеибашьҩу злаадыруа ҷыдароуп ихахәы асашьагьы, ахыцәкәыкәын ықәыргыланы.
🧡 Ахьыуардын шәақәтәа
Имаҭәа-ҩыҭәа: акәымжәы ишәуп, ауапкьаҿ ижәҩахыр иҭарԥоуп, амаҟа имӷоуп, аимаа, аимсы ишьоуп. Аҟама иҟәнуп, аҳазырҭрақәа игәышԥы икыдуп, ашәақь аҭаҳәҭеи иҭаҵаны изқәа икыдуп.
Аҭаҳәҭеи//аҭыҳәҭа (чехол для ружья) хәымсысӡа ашәарах цәа иалхны иҟарҵон, анаӡара қәак-сык алымсырц, абџьар бахҵәаӡа инхарц. Аҭаҳәҭеи ашәақьи аиҵаҵага лабеи ҭан.
Дшеибашьҩу злаадыруа ҷыдароуп ихахәы асашьагьы, ахыцәкәыкәын ықәыргыланы.
Please open Telegram to view this post
VIEW IN TELEGRAM
👍20
Media is too big
VIEW IN TELEGRAM
Аҭааҩ дзыгны иҟамлац Сергеи Дбар ихьӡ зху Гәдоуҭатәи аҳәынҭқарратә музеи сынтәа даара аус ауит. Ҳажәлар рҭоурых аԥсы ахьҭоу ахәышҭаарақәа ируаку есааира аҽарҭбаауеит. Иахьа иаатит 1937-1940 шықәсқәа рзы харада идырӡыз ргәалашәара азал, иара убас аетнографиатә цәыргақәҵа "Аԥсуаа". Шәкы инареиҳаны афотосахьақәа, асаламшәҟәқәа, аамҭа иаҿахәҳәагоу амаҭәарқәа. Макьанагьы ицәыргам акырӡа еиҳауп...
Аҭыԥ аҟынтә инеиҵыху анҵамҭа шәаԥхьар шәылшоит абра>>
🧡 Ахьыуардын шәақәтәа
Аҭыԥ аҟынтә инеиҵыху анҵамҭа шәаԥхьар шәылшоит абра>>
Please open Telegram to view this post
VIEW IN TELEGRAM
👍11
АԤСНЫ
Бзиак дырны цәгьа сҭахым Аԥсназы,
Сааԥсеит ҳәагьы сызтәаӡуам иаразы.
Снапы иалшуа снапы иаҩуеит убри азы.
Сыбз иалшуалагь саанҵасыуам аказы.
Иаразыҳәан сныҳәаҩуп Анцәа иҿы,
Аха сыздырам уи ахьахәа ҳәа ехьазы...
Умшәан, Аԥсны, цәгьа зычҳаз иоуп ирҽхәатәу,
Абзиа бзиа усгьы ибзиоуп зегьы рҿы.
Дырмит Гәлиа, 1920
Абри ажәеинраала ахсаалага ахьӡҵаны агазеҭ "Аԥсны" ианиҵеит, иара ашәагаала ҳаҷкәынцәа макьана егьрымҩыцт, изҭаху изы ҿырԥшыс иҟалааит ҳәа. Дырҵаҩымзи, алитература иаҵагылашаз аҿар абас алагьы иааӡон Дырмит ду. Ҳара уажәы иааҳгеит аҵаказы, маҷк агәкаҳара аныԥшуазаргьы, иаҳәо ыҟоуп, агәыӷра ахьыхәхәоит.
Автортә орфографиа ишаҳнарбо ала, аҩыратә литературатә бызшәа макьана аҽамраӡацызт, ашьақәгылара иаҿын, бзыԥтәи адиалект аҷыдарақәа аныԥшуеит. Шәаԥхьахьазма ари ажәеинраала?

🔥13👍2
Шьыжьи хәылԥази ашәаԥшь иагәылԥхаауа зашәаҳәабжь цәырызго, иблахкыгоу ҵыс хәыҷуп аҳәынҵәра́ԥшь (бз. аҳәынҵәырҟа́ԥшь // саӡ. аҳәынҵәырла́ԥшь) — зарянка (малиновка), букв.: "красная пуговка".
Аҟазшьала рацәак ауаҩы ицәшәом, афатә ианашьҭоу зынӡагьы иааигәара инеиуеит, уи аҟынтә аӡын асқәа анлеилак имаҷымкәа ачалт иаклон. Аҳәынҵәраԥшь аҟармаҵыс иаҵамхо ашәа хаақәа аҳәоит, еиҳарак ааԥынразы уахгьы-ҽынгьы ҿааихак амам.
Ҳаԥсабара илԥраауеит згәышҵа ҟаԥшьу, ма иара ус аҵысхә аԥшь зқәу иҵегь аҵарақәа. Урҭгьы игәыҟаҵагоу ҵәит-ҵәит рымшуп, ахьӡ ԥшӡақәа рхуп:
Аԥраҳәа́ԥшь (аны́цәҵыс) — коноплянка (букв. "красный передник");
Абӷа́ԥшь — горная чечетка (букв. "алая спинка");
Ақәынҵы́саԥшь — чечетка (букв. "красная льняная птичка").
#аԥсаатәқәа
🧡 Ахьыуардын шәақәтәа
Аҟазшьала рацәак ауаҩы ицәшәом, афатә ианашьҭоу зынӡагьы иааигәара инеиуеит, уи аҟынтә аӡын асқәа анлеилак имаҷымкәа ачалт иаклон. Аҳәынҵәраԥшь аҟармаҵыс иаҵамхо ашәа хаақәа аҳәоит, еиҳарак ааԥынразы уахгьы-ҽынгьы ҿааихак амам.
Ҳаԥсабара илԥраауеит згәышҵа ҟаԥшьу, ма иара ус аҵысхә аԥшь зқәу иҵегь аҵарақәа. Урҭгьы игәыҟаҵагоу ҵәит-ҵәит рымшуп, ахьӡ ԥшӡақәа рхуп:
Аԥраҳәа́ԥшь (аны́цәҵыс) — коноплянка (букв. "красный передник");
Абӷа́ԥшь — горная чечетка (букв. "алая спинка");
Ақәынҵы́саԥшь — чечетка (букв. "красная льняная птичка").
#аԥсаатәқәа
Please open Telegram to view this post
VIEW IN TELEGRAM
Please open Telegram to view this post
VIEW IN TELEGRAM
👍10❤6
Ахьыуардын
Ҩышә шықәса раԥхьа аԥсуа хаҵа (аибашьҩы) иеибыҭашьа шыҟаз узырбо, Гамба инапы иҵыҵыз асахьа. Имаҭәа-ҩыҭәа: акәымжәы ишәуп, ауапкьаҿ ижәҩахыр иҭарԥоуп, амаҟа имӷоуп, аимаа, аимсы ишьоуп. Аҟама иҟәнуп, аҳазырҭрақәа игәышԥы икыдуп, ашәақь аҭаҳәҭеи иҭаҵаны изқәа…
Аҭоурыхтә сахьақәа рҿы улаԥш зықәшәо ҷыдароуп Кавказ ашьхарыуаа хацәа шьоукы-шьоукы ркәымжәы акалҭқәа хырвырӡа иҿыжәжәаны иахьыҟоу. Ари аҩыза акәымжәы зшәыз даара пату иқәлон, деилҟьа-ццышәуп, ахы дузаҿакуам, хацәнамырхалатәи аибашьра деибганы далҵхьеит ҳәа аанагон. Избан?
Ишдыру еиԥш, схаҵоуп ҳәа зхы зыԥхьаӡоз ԥсыхәа аманы иахьынӡаҟоу иҳазырҭрақәа дрылакьысуамызт, зынҭырҟьеиа шәақь зкыз уажәи-уажәи ахәшә еиҵеиҵалар акәын. Абри дшаҿу ахҵаҵа (пыж) имҵәар, икәымжәы акалҭқәа амжәжәаны хҵаҵас иҟаиҵозаарын! Акәымжәы акалҭ шаҟа иҭыжәжәа иҟаз аҟара изшәыз игәымшәара атәы аҳәон. Ари аҷыдара убарҭоуп Григори Гагарин иҭихыз аԥсуааи азахәцәеи рсахьақәа рҿы.
Дара аҳазырҭрақәагьы рфункциа хада анынарыгӡоз ажәытә сахьақәак рҿы зынӡа ижәҩахыр иқәлома уҳәаратәы иҳаракны икыдуп. Уи змааназ аидыслара ӷәӷәақәа раан хаԥыцла дамцкласны ахеиҵаҵа аҭыгара илшарцаз акәын. Избанзар аибашьҩы ҽыла даныҟаз иарма напы аӷәра акын, иарӷьа — ашәақь. Абас иҭҵаауа уҿыноухар, акгьы шмашәырмыз убоит, аҽеилаҳәара уеизгьы даара изыцклаԥшуаз акакәын.
Асахьаҿы: Наҭхәажә ("Натухаец", Г. Гагарин)

👍18❤6
Аԥсуаа рхы-рыԥсадгьыл иазыркыз ажәаԥҟақәак
• Аԥсуа дахьыҟазаалак иԥсадгьыл Аԥсноуп.
• Аԥсуаа рыла аԥшӡара ацлоит Аԥсны.
• Ибаргәузеи саԥсыуоуп зҳәо!
• Аԥсуа дахьиз Аԥсноуп.
• Ҳаԥсадгьыл ԥсуа шьала икәабоуп.
• Аԥсынра алаԥш иацәыхьчоуп.
• Аԥсынра аҩызак имшаӡеит ашаҩы.
• Аԥсуа игәы "Аԥсынра, Аԥсынра!" ҳәа еисуеит.
• Аԥсны ауапа ҿацәк иаҟароуп, аха ламысла идууп.
• Аԥсны наанатә (наџьнатә) ԥсыуа дгьылуп.
• Аԥсуа иламыс еиҳау баагәара ыҟам.
• Аԥсуаа анааларалгьы аинрааларагьы рылоуп.
• Узыниалак, ушаԥсыуоу ухоумыршҭын!
• Данаԥсыуаха уиқәгәыӷ, ламысла дыхәмаруам.
• Аԥсуа дызмырӡуа иаԥсуара ауп.
• Аԥсуа иаԥсуара ахьмыӡуа Аԥсны заҵәык ауп.
• Аԥсуа иԥсырҭа иламыс ауп.
• Аԥсуа ичеиџьыка иԥсеиқәырхагоуп.
• Аԥсуа ичеиџьыка уаҩ дзахыԥом.
• Аԥсуа дахьаԥсыуаҵәҟьоу Аԥсынроуп.
• Уаԥсшәа урӡыр Аԥсынра гәаауеит.
• Аԥсны анԥсы аԥсуаа зегь ԥсуеит.
• Аԥснала згәы еисуа инҵыра рацәахоит.
Ахыҵхырҭа: "Ҭырқәтәыла инхо аԥсуаа ражәаԥҟақәа", 2013, аиқәыршәаҩ Олег Шамба
#ажәаԥҟақәа

👍13❤5
Аԥсны зҽаԥсазтәыз артист, аоператә шәаҳәаҩы, Аԥсны жәлар рџьынџьтәылатә еибашьра аветеран Родион Ҳагба иахьа 70 шықәса ихыҵит.
Родион Ҳагба зырҿиаратә мҩа гәылҭәаау, збаҩхатәра азхаҵоу, бзиа ирбо артиступ, 1986 шықәса раахыс Аҳәынҭқарратә хортә капеллаҟны солистс дыҟоуп, ҩажәа шықәса инареиҳаны Пицунда аконцертқәа мҩаԥигоит, Аԥсуа филармониаҟны ахапа наигӡоит. Ҳтәыла анҭыҵ жәпаџьара дықәгылахьеит, Урыстәыла, Германиа ақалақьқәа уахь иналаҵаны. Хыԥхьаӡара рацәала аҳамҭақәа рыла иҟазара алыркаахьеит.
Аԥсны жәлар рџьынџьтәылатә еибашьра анҵысы бџьаршьҭыхла иԥсадгьыл ихьчон, "Агәымшәаразы" амедал ианашьоуп. Уи аамҭа даҳзахцәажәон абас: "Ҳара зегь ҳаивагылан. Дарбанызаалак ԥсуа зхылаҳәоу абџьар зкыз, ар рымаҭәа зшәыз сара сзы дынцәахәын. Абас ҳаидызкылоз иахьагьы исыздыруам. Аӡә ихы егьи ихҭниҵон. Аԥсра ҳаԥылон абџьарда. Владислав Арӡынба дыҟамзар, ҳшыҟалашаз сеидру. Зыгәра аагоз аӡәы еснагь дышҳамаз ҳныруан".
Родион Ҳагба иԥсадгьыл ахьӡала илшахьоу азы "Ахьӡ-Аԥша" аорден III аҩаӡара ианашьоуп. Ҽаанбзиала днеилааит, аԥсуа қәра ниҵааит, Аԥшырҭа иқәтәоу диныҳәааит, абзиарақәа иԥигалааит!

👍15
Ахьыуардын
Ашьыжь аныҳәаҩ дгәарлоит. (Ажәаԥҟа) Аԥсуаа рныҳәаԥхьыӡқәак: • Адунеи уақәлахааит. • Ажәлар рныҳәа угымхааит. • Анцәа абзиара уирбааит. • Гәырӷьачара умазааит. • Еиҳа зымчу духылаԥшааит. • Жәҩан гәашәԥхьара узыԥшызааит. • Ныҳәаԥхьыӡс иҟоу угымхааит. • Уҵәҩаншьап…
(иацу)
• Ухәышҭаара ҿымцәааит.
• Ухы-угәы уақәгәырӷьааит.
• Уеибга-узҩыда Анцәа усирбааит.
• Узҭаху угымзааит.
• Уиешьара урыгымхааит.
• Уеиҳа зымчу умаҵ иуааит.
• Уаб иԥара уқәымӡааит.
• Машәыр уқәымзааит.
• Аҩсҭаа дуҟәыблаазааит.
• Барақьаҭ умазааит.
• Умарымажахааит!
• Ԥеиԥш бзиа Анцәа иуиҭааит!
• Анцәа духәааит.
• Анцәа уирӷьацааит.
• Анцәа уиргәырӷьааит.
• Уура уқәзааит!
• Ула абзиахә абааит.
• Уҵыхәтәа мыӡааит.
• Хҭырԥа шкәакәала умҩасааит.
• Касы шкәакәала бымҩасааит.
Ахыҵхырҭа: Гиви Ҵнариа "Аҵеира"
Please open Telegram to view this post
VIEW IN TELEGRAM
👍25❤5😍2
Ҽаанԥшӡала шәнеиааит, акыр иаԥсоу ҳаԥхьаҩцәа! 🎄
Игәырӷьахәу уахала шәгәы иҭашәкуа наӡааит, шәгәахәтәы шәахьӡааит! Хаҭала зегьы агәабзиара, агәыцқьара шәзеиӷьаҳшьоит, Анцәа илаԥш хаа шәыцрымшәо ишәхызааит! Ҽаангьы-цахәгьы уаала шәбеиазааит, шьала-дала ишәылахәугьы шәаргьы шәыжәҩахыр ӷәӷәазааит, аҳәоуеиқәшәара шәымазааит! Иҭаацәароу шәԥара-шәыԥҳара рыхаир жәбааит, ахылҵ-ԥылҵ рыла аизҳара, аиҵыҵра шәымазааит! Макьана иҭаацәарам амшреи аҵхреи зцу анасыԥ шәызшазааит!
Ацәгьа-мыцәгьа уаҩ шәааигәа имнеиааит, ус акы шәхьыԥшызҭгьы ари ашықәс иазынхааит, ҽааны шьапымшла шәҭалааит, ҵыԥх аасҭа ҳашԥеиӷьхеи ҳәа шәхы иазышәҳәо. Згәы-зыԥсы каршәны Ҳазшаз иашьапкуа, абзиа зҭаху зегьы шәҿаҳәатәы ҟалааит! Ныҳәаԥхьыӡс иҟоу шәыгымхааит! Шәыҩнаҭақәа гәырӷьаччала илашазааит! Ҽаанбзиала, мышьҭабзиала шәнеилааит! Шьардаамҭа!

👍22❤8🙏7
АБЫРГ ИНЫҲӘАҾА
Амшқәа зрыԥхуаз аамҭа мҩасуан,
Шықәсы-наҟьак ирҭаӡоз.
Асааҭ ахыцқәа асаркьал иасуан,
Шықәсык аамҭа зыԥхьаӡоз.
Жәҩан иацәхыҵуан алабжышқәа,
Гәнаҳаи-гәаӷи зегь зыӡәӡәоз.
Жәытә мҩакаҿ шьҭак нмыжькәа,
Ҿыцымҭала зегь зыԥшьоз.
Аҽеиқәа знысхьаз амҩа адыруан,
Аҽыҩҷкәын дныжьны инаскьон.
Ауаса шкәакәагь аӡы ируан,
Ҳаԥсы ҿнахуан, ҳахьша агон.
Аҵәца иҭаччон аҩы шкәакәа,
Адгьыл гәеисыбжьгьы маӡан.
Хәыҷгьы-дугьы рыгәра мгакәа,
Ҿамш зҳәаша абырг даҳҭан.
Зӡышра зҟәышраз Ҳазшаз диҳәон,
Ҳамдыр ҳалигарц ҩаԥхьа.
Ҽаанбзиала, абырг дныҳәон,
Инаӡарц диҳәон иҳәахьа:
Аԥшқа дкьаасуа игара дгараз,
Иқә лашара ихоумыркын.
Иабацәа зыдгьыл иаркараз,
Изҵаз рабџьар иумыркын.
Ажәа иамаз амчра шамац,
Ҳаԥсы аҭыҩра – ҳбызшәа ҳҿаз.
Ҳдоуҳа аԥхара ҳаҽҳәа иамаз,
Амшра ҳзаазго сас даҳҭаз.
Инна Ҳашԥҳа
🧡 Ахьыуардын шәақәтәа
Амшқәа зрыԥхуаз аамҭа мҩасуан,
Шықәсы-наҟьак ирҭаӡоз.
Асааҭ ахыцқәа асаркьал иасуан,
Шықәсык аамҭа зыԥхьаӡоз.
Жәҩан иацәхыҵуан алабжышқәа,
Гәнаҳаи-гәаӷи зегь зыӡәӡәоз.
Жәытә мҩакаҿ шьҭак нмыжькәа,
Ҿыцымҭала зегь зыԥшьоз.
Аҽеиқәа знысхьаз амҩа адыруан,
Аҽыҩҷкәын дныжьны инаскьон.
Ауаса шкәакәагь аӡы ируан,
Ҳаԥсы ҿнахуан, ҳахьша агон.
Аҵәца иҭаччон аҩы шкәакәа,
Адгьыл гәеисыбжьгьы маӡан.
Хәыҷгьы-дугьы рыгәра мгакәа,
Ҿамш зҳәаша абырг даҳҭан.
Зӡышра зҟәышраз Ҳазшаз диҳәон,
Ҳамдыр ҳалигарц ҩаԥхьа.
Ҽаанбзиала, абырг дныҳәон,
Инаӡарц диҳәон иҳәахьа:
Аԥшқа дкьаасуа игара дгараз,
Иқә лашара ихоумыркын.
Иабацәа зыдгьыл иаркараз,
Изҵаз рабџьар иумыркын.
Ажәа иамаз амчра шамац,
Ҳаԥсы аҭыҩра – ҳбызшәа ҳҿаз.
Ҳдоуҳа аԥхара ҳаҽҳәа иамаз,
Амшра ҳзаазго сас даҳҭаз.
Инна Ҳашԥҳа
Please open Telegram to view this post
VIEW IN TELEGRAM
👍27❤6🙏4