Ахьыуардын
Аӡы акәӡамызт, ацәаҟәа ашьа ажәуан, Ирзымычҳазт, иԥсит ацәашьқәа. Илаӷырӡышуеит Лаҭатәи ажәҩан, Рыҵәаабжь аныҩуеит ахәыҷқәа. Уа Ерцахә ӡыш иамбаӡац ҳәа иҟоузеи? Иамбацызт ауаҩы дырбылуа! Аӷа хәымга хҿыхшьас ҳәа имоузеи, Анацәеи рыхшареи збылуа?! Баграт Шьынқәба…
Лаҭа иҭархаз авертолиот МИ-8 аԥсҟы зкыз Сергеи Илиухин 24 шықәса ракәын ихыҵуаз, аха аԥышәа змаз ԥырҩын, алеитенант еиҳабыс дыҟан, аџьшьарақәа иоухьан. Аԥсныҟа дааит жьҭаарамзазы, агуманитартә реисқәа иманы Тҟәарчали Гәдоуҭеи дрыбжьан.
Хьыӡҳәала даҳгәалаҳаршәоит, избанзар сынтәа 55 шықәса дырҭагылазаауан дыҟазҭгьы.
Ԥхынҷкәын 14, шьыбжьышьҭахь, иаазышьҭыхуаз зегь ақәыртәаны Тҟәарчал иҵԥрааз авертолиот, фба рыбжазы Лаҭа иахысуан еиԥш ақырҭқәа иоурыжьыз аракета аахеит. Сергеи иҩызцәеи иареи хаԥсыра баны артәара рылшеит, аха аҩнуҵҟа абылра иалагахьан. Амца зкыз аԥрыга адгьыл ианықәгылагьы уаҩ иԥсы игартә изыҟамлеит, иҭыҵыргьы аӷа ихымца рзыԥшын. Иагьабаҵәахыз агыгшәыгқәа абысҟатәи рцәымӷра?
Амца иалаблит 87-ҩык ауааԥсыра, 84-ҩык апассаџьырцәеи хҩык аекипаж алахәцәеи. Ахәыҷқәа, аҳәса, абыргцәа, мышлашарак абараҵәҟьа змаӡаз мгәарҭа иҟаз асабицәа, аибашьцәа, лахьынҵацәгьак еицеиҩыршеит... Рыԥсқәа ҭынчзааит!
🧡 Ахьыуардын шәақәтәа

Please open Telegram to view this post
VIEW IN TELEGRAM
🙏15😢5💔4👍3❤1
Абри аҽны 105 шықәса раԥхьа Гагра диит Асовет Еидгыла Афырхаҵа, аԥсуа патриот Ражден Миха-иԥа Барцыц (1918 - 2002).
Ражден дшыхәыҷызнатә амшын игәы-иԥсы алан, дымшынуаҩхар иҭахын. Баҭым аӡхәыҵалацәа рышкол далганы данаа Гагра аиқәырхаҩс аус иуан. 1939 шықәсазы Арра-мшынтә флот ахь иԥхьеит, аибашьра аханатә далахәын.
Аԥхьа деибашьуан Нхыҵ Кавказ, Моздок ахәрагьы иоуит, анаҩс диаргеит аахыҵҟа, Азовтәи амшынтә флотилиа дахәҭакын, арратә катер – атендер ныҟәицон. Анапа, Севастополь, Кьерч, "Адгьыл маҷ" аруааи абџьари ӡхигон. Абри аҩыза аоперациақәа руак аан џьаԥҳаныла иҭәыз Барцыц итендер Кьерч ишыӡхыҵуаз аӷа игәеиҭан ахыԥсаҟьагала амцақьоуқьад ажәиҵеит. Аха иҩыза амотористи иареи ргәы меиҭаԥакәа, ихьамҵӡакәа рус нарыгӡеит, адесант бџьарла еибырҭеит, ианықәҵуаз ахәцәагьы шьҭырхит. 1944 шықәсазы Ражден Барцыц иааирԥшыз агәымшәара ду азы Асовет Еидгыла Афырхаҵа ҳәа ахьӡ ҳаракӡа ихҵан, убас хыԥхьаӡара рацәала амедалқәеи аорденқәеи ианашьоуп.
Аибашьра ашьҭахь даҽа ҩышықәса арратә флот амаҵ азиуан, амшын аҿы иаанханы иҟаз аминақәа ԥижәон. Адемобилизациа ашьҭахь иҩныҟа дааит, изанааҭ дазыхынҳәит, акыршықәса аиқәырхаратә станциа деиҳабын, Гагратәи акемпинг напхгара аиҭон.
Аԥсны жәлар рџьынџьтәылатә еибашьраан Ражден Барцыц иԥазаҵәгьы аӷа гәышԥыла диҿагылеит.

👍11🔥2
Аԥсҭазаара узышьцылаз угәы уҽанӡамкәа хагәха ианцо иузыхьчаз, иузеиқәырхаз зегьы маакырас иуоуеит, агәыӷра ду унаҭоит. Убас агәышьҭыхратә мчы аман тҟәарчалаа аԥышәара хьанҭа ианҭагыла аҭыҵра иаҟәымҵыз агазеҭ "Ткварчельский горняк".
Иара ахаҭагьы Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду иалиааит, 1992 шықәса цәыббрамзазы 50 шықәса ахыҵра азгәарҭараны иҟан, аха нанҳәа 14 рзы ихабгалеит урҭ агәҭакқәа.
Амацәаз иҭакыз ауааԥсыра ирхыргаз уагәылазырԥшуа мшынҵак иаҩызоуп усҟан иҭыҵуаз аномерқәа. Атипографиа акәша-мыкәша аснариадқәа шкаҳауазгьы, ақалақь аҿы афымцалашара шеиԥҟьалозгьы, шықәсыбжак инарзынаԥшуа агазеҭ аусзуҩцәа — аҳәса гәымшәақәа русура еиԥдмырҟьеит.
Иахьа урҭ аномерқәа еидкыланы хаз шәҟәны иҭыжьуп, аиқәыршәаҩцәа — зџьабаа аду ажурналист Мадона Кәыҵниаԥҳаи аҭоурыхҭҵааҩ Аслан Аҩӡбеи. Атираж 500 цыра.
Ҵаҟатәи афото: Аԥсныпресс
🧡 Ахьыуардын шәақәтәа
Иара ахаҭагьы Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду иалиааит, 1992 шықәса цәыббрамзазы 50 шықәса ахыҵра азгәарҭараны иҟан, аха нанҳәа 14 рзы ихабгалеит урҭ агәҭакқәа.
Амацәаз иҭакыз ауааԥсыра ирхыргаз уагәылазырԥшуа мшынҵак иаҩызоуп усҟан иҭыҵуаз аномерқәа. Атипографиа акәша-мыкәша аснариадқәа шкаҳауазгьы, ақалақь аҿы афымцалашара шеиԥҟьалозгьы, шықәсыбжак инарзынаԥшуа агазеҭ аусзуҩцәа — аҳәса гәымшәақәа русура еиԥдмырҟьеит.
Иахьа урҭ аномерқәа еидкыланы хаз шәҟәны иҭыжьуп, аиқәыршәаҩцәа — зџьабаа аду ажурналист Мадона Кәыҵниаԥҳаи аҭоурыхҭҵааҩ Аслан Аҩӡбеи. Атираж 500 цыра.
Ҵаҟатәи афото: Аԥсныпресс
Please open Telegram to view this post
VIEW IN TELEGRAM
Please open Telegram to view this post
VIEW IN TELEGRAM
👍12❤5
Арԥыс иҭоурыхтә ԥсадгьыл ахь ихынҳәра шыҟалаз шәаԥхьар шәылшоит абра>>
Please open Telegram to view this post
VIEW IN TELEGRAM
Telegram
Фан-зона Sputnik
✅ Еще одна боксерская победа.
Абхазский боец Энвер Бзагуа был сильнее спортсмена из Ирана Саджада Хабиби. Бой прошел в Анкаре, сообщил Госкомспорта Абхазии.
⠀
📎 Энвер Бзагуа - потомок абхазских махаджиров из Турции. Для боксера это третья победа на профринге.…

👍23❤6❤🔥5
1973 шықәса, ԥхынҷкәын 17 рзы диит Аԥсны Афырхаҵа Андреи Иунчес. Иԥсы ҭазҭгьы иахьа 50 шықәса ихыҵуан.
Аӡын аҵаа иԥахны иҿанаҳәо сибратәи ақалақь Томск ииз, ҩажәа шықәса ирҭагылаз аҷкәын хатәгәаԥхарала аԥсуа жәлар дрыцхраарц дааит ахеиқәырхара ианаҿыз аамҭазы.
Андреи Гәымсҭатәи афронт аҿы деибашьуан. Марттәи ажәылараан гәдоуҭаа аҷкәынцәа дрыцны Аԥсны аҳҭнықалақь ахақәиҭразы дҭыҵит. Агәыԥ "Аҩны иаҵәа" ҳәа изышьҭоу аҟынӡа инаӡеит, аха дук мырҵыкәа аҭагылазаашьа еиҭасгәышьеит. Зынӡа ицәгьарахо ианалага, Андреи ианиашьа ихаҵашьахан, аҩны ахыб дықәгыланы аӷа дмааскьарц хыԥсаҟьагала икылкааны дхысуан, акыргьы ааха риҭеит. Ақырҭқәа атанк ала ари аҩны иақәкны ахысра анҭарҵагьы иҭыԥ дахымҵит, гәымшәарыла аԥсра даԥылеит.
Андреи Иунчес анышә дамадоуп Аҟәа, Ахьӡ-Аԥша абаҳчаҿы. Дзааӡаз иани иаби иашоуп ҳәа рыԥхьаӡеит ихы зқәиҵаз адгьыл аҿы изқәаҭыԥ ҟаларц, аԥси аԥси еихәоит ҳәа иҩызцәа рывараҿ дынрыжьит. Ихьӡ кашәара ақәым!

😢12🙏6
Ашәҟәыҩҩы бзиа еснагь дфилософуп. Аҩымҭа заҟаразаалак уаԥхьаны уанаалгалак ухатә хәыцрақәа рышьҭа ԥо рҿынархазар – ихықәкы наигӡеит.
"Шаҟа еилкаамзеи ари адунеи... Анцәа иџьшьоуп ауаатәыҩса иаҳзымдыруа, ҳахшыҩ ахьзымнаӡо макьанагьы иахьыҟоу! Мамзар, аԥсҭазаара ҵакыс иаиурызеи? Хаарас иазынхозеи? Аԥсабара амаӡак анаҵух, нас иара ахаҭа алаԥшқәа идырааԥсаз ашәҭ еиԥш иныхбаларгьы алшоит. Мшәан, ҳарҭ зегьы ҳнапқәа ҩеиҵыхны аеҵәақәа ҳнырхьысуа, иаҳшьышьуа аҟынӡа ҳҩеир, аеҵә еҵәарас ирылоузеи?!"
Рушьбеи Смыр
🧡 Ахьыуардын шәақәтәа
"Шаҟа еилкаамзеи ари адунеи... Анцәа иџьшьоуп ауаатәыҩса иаҳзымдыруа, ҳахшыҩ ахьзымнаӡо макьанагьы иахьыҟоу! Мамзар, аԥсҭазаара ҵакыс иаиурызеи? Хаарас иазынхозеи? Аԥсабара амаӡак анаҵух, нас иара ахаҭа алаԥшқәа идырааԥсаз ашәҭ еиԥш иныхбаларгьы алшоит. Мшәан, ҳарҭ зегьы ҳнапқәа ҩеиҵыхны аеҵәақәа ҳнырхьысуа, иаҳшьышьуа аҟынӡа ҳҩеир, аеҵә еҵәарас ирылоузеи?!"
Рушьбеи Смыр
Please open Telegram to view this post
VIEW IN TELEGRAM
👍17❤5🙏2
Аҟьаԥ-ҟьаԥ (трещотка) – еиуеиԥшым ажәларқәа иныҟәырго ижәытәӡатәу арҳәага, аԥсуаа ҳҿы акәашареи ашәаҳәареи рыҿиара ицәырнагеит, аритм ахҵареи аинҟьара афункциеи нанагӡоит, даҽакала ус иагьашьҭоуп "аинҟьага" ҳәа.
Амузыкаҭҵааҩы Инна Аҳашԥҳа иҳаҩсыз ашәышықәса аҽеиҩшамҭазы Аҷандара, Чычаа рыҩнаҭаҿы илбеит ажәытә сахьа змаз аҟьаԥ-ҟьаԥ, уи аҭбаара маҿак иаҟаран, 12 ӷәыцәмаҟьа рыла еибыҭан. Усҟантәи аамҭазы лара дызлысхьаз ақыҭақәа рҿы аиԥш зеиԥшу лԥыхьамшәацызт, амузеи иарҭеит. Шәазхәыц шаҟа еиҭеиз уижьҭеи ҳкультура, иахьа аԥсуа ҟазацәа рнапала иҟаҵоу аҟьаԥ-ҟьаԥқәа ҳарҿиаратә коллективқәа зегьы иркызар.
Аҟьаԥ-ҟьаԥи аӷәы-лабеи (адиаспораҿы ибзианы еиқәханы иҟоуп) ачарақәа раан акәын зегь раасҭа ахархәара анрымаз, ачара аура зҽазыҟазҵоз заа идырхион. Абри аҷыдара Кавказ ажәларқәа еицырзеиԥшуп.
Ҳаԥхьап 80 шықәса ирҭагылаз џьгьардатәи ажәабжьҳәаҩ Теб Шармаҭ иҟынтә Инна Аҳашԥҳа ианылҵахьаз ажәабжь:
"Анкьагьы уажәеиԥш акәашарақәа раан, аԥсуаа ашәа анырҳәауаз рнапқәагьы еинырҟьауан. Аха ишыжәдыруа еиԥш, ари анапеинҟьабжьы уи аҟара иӷәӷәам. Абри аҟнытә ргәы намӡауа иалагеит. Акәашацәа иаҳа ргәы арҭамамырц азы ирхәыцуа иалагеит анапеинҟьабжь аҵкыс иаҳа иӷәӷәаз абжьқәа злаҭыргашақәа. Иаалаган, иҩаз аламԥақәа ирылхны иҟарҵеит ауаҩы имаҿа иаҟарақәаз аӷәцәмаҟьақәа жәаба-жәаҩаҟа. Арҭ аӷәцәмаҟьақәа рыхқәа аардадашәа ааҷала иааидырҳәалан, акәашацәа ршьапқәа ирықәыршәаны, ҟьарԥ, ҟьарԥҳәа еинҟьауа, акәашацәеи ашәаҳәацәеи ирыцхраауан. Иахьӡын иара Аинҟьага ҳәа".
👥 Аҟьаԥ-ҟьаԥ ажәа асинонимқәа амоуп: аҟар-ҟар, ма аҷар аҽқәа рыбжьараангьы ахархәара арҭоит.
📖 Аҟьаԥ-ҟьаԥ ҳәа иашьҭоуп иара убас акәата хәаԥшшәыла жәлакы "серая утка", аӡы иахьҭоу ашьҭыбжь иахылҵуа ала

👍16💯3
Ахьыуардын
Ашәа шә-аџьалк урыхнарԥоит. (аԥсуа жәаԥҟа) Ааԥын иагәылԥхаауа ансамбль "Гәында" рҟазара еснагь еиԥш агәалаҟара ду ҳнаҭеит, ишәыцеиҩаҳшоит🫶 🧡 Ахьыуардын шәақәтәа
This media is not supported in your browser
VIEW IN TELEGRAM
Аԥсны Жәлар рартист, амаестро Роза Чамагәуаԥҳа иацы инхшәаз ԥҳәызба қәыԥшны Аҟәатәи акультуратә-ҵаралашаратә ҵараиурҭа даналга, лҟазареи лгәақәкреи гәаҭаны аҵараиурҭаҿы рҵаҩыс даанрыжьуеит. Абраҟа ҽышәала аус луа дышнеиуаз абаҩхатәра злаз лҵаҩцәа ааидкыланы иаԥылҵоит ансамбль, аамҭа кьаҿк ала ауаа еицгәарҭаз! Иахьа Аԥсны анҭыҵгьы ирдыруа, хьӡи-ԥшеи змоу аҭыԥҳацәа рколлектив ахьӡ азҭаз дхаҵоуп — усҟан акультура аминистрс иҟаз аҟазараҭҵааҩ Алықьса Аргәын.
Роза Чамагәуаԥҳа лгәалашәарақәа, Анатоли Лагәлааи лареи реиҿцәажәара аҟынтә:
"Ҽнак зны Едуард Бебиа [ахореограф ду, абалетмеистер, Аԥсны жәлар рартист, Акультпросветучилишье аиҳабыс иҟаз] ус сеиҳәеит: "Роза, ари бызҿу аԥеиԥш бзиа змоу акоуп, афилармониа ашҟа ииагазар еиҳа еиӷьхоит", — ҳәа. Усҟантәи акультура аминистр Алықьса Хәыта-иԥа Аргәын афилармониа анапхгара ааԥхьара риҭан, ҳансамбль иазирӡырҩит, даара иргәаԥхеит, иара убас афилармониахь ииаргеит. Аҵараиурҭаҟны аҷкәынцәагьы алан, аха аминистр ус сеиҳәеит: "Аҭыԥҳацәа рхала иаанҳажьп, ансамбль "Гәында" ахьӡаҳҵап, Нарҭаа раҳәшьа ԥшӡа лыхьӡ шәыхьӡзааит!" Саргьы сақәшаҳаҭхеит, лыхьӡ ҳмырԥхашьааит сҳәеит".
Доуҳала, ламысла згәы ҭәу, зус агәра зго анҵыра иоуеит. Аибашьра ашьҭахь ансамбль ҿыц ишеидкылатәхазгьы, гәкажьра ҟамҵакәа ауадаҩрақәа зегьы дыриааит. Лбаҩхатәра амҵәыжәҩа иҵаку ансамбль "Гәында" 45 шықәса ахыҵуеит, гәыкала ирыдаҳныҳәалоит. Ҽаангьы, цахәгьы, цабжьгьы ԥшӡала инеилааит! Аԥшӡаразы дара ирбап, жәра рықәӡам.🌸
🧡 Ахьыуардын шәақәтәа
Роза Чамагәуаԥҳа лгәалашәарақәа, Анатоли Лагәлааи лареи реиҿцәажәара аҟынтә:
"Ҽнак зны Едуард Бебиа [ахореограф ду, абалетмеистер, Аԥсны жәлар рартист, Акультпросветучилишье аиҳабыс иҟаз] ус сеиҳәеит: "Роза, ари бызҿу аԥеиԥш бзиа змоу акоуп, афилармониа ашҟа ииагазар еиҳа еиӷьхоит", — ҳәа. Усҟантәи акультура аминистр Алықьса Хәыта-иԥа Аргәын афилармониа анапхгара ааԥхьара риҭан, ҳансамбль иазирӡырҩит, даара иргәаԥхеит, иара убас афилармониахь ииаргеит. Аҵараиурҭаҟны аҷкәынцәагьы алан, аха аминистр ус сеиҳәеит: "Аҭыԥҳацәа рхала иаанҳажьп, ансамбль "Гәында" ахьӡаҳҵап, Нарҭаа раҳәшьа ԥшӡа лыхьӡ шәыхьӡзааит!" Саргьы сақәшаҳаҭхеит, лыхьӡ ҳмырԥхашьааит сҳәеит".
Доуҳала, ламысла згәы ҭәу, зус агәра зго анҵыра иоуеит. Аибашьра ашьҭахь ансамбль ҿыц ишеидкылатәхазгьы, гәкажьра ҟамҵакәа ауадаҩрақәа зегьы дыриааит. Лбаҩхатәра амҵәыжәҩа иҵаку ансамбль "Гәында" 45 шықәса ахыҵуеит, гәыкала ирыдаҳныҳәалоит. Ҽаангьы, цахәгьы, цабжьгьы ԥшӡала инеилааит! Аԥшӡаразы дара ирбап, жәра рықәӡам.
Please open Telegram to view this post
VIEW IN TELEGRAM
👍18
Ахьыуардын
Аҟьаԥ-ҟьаԥ (трещотка) – еиуеиԥшым ажәларқәа иныҟәырго ижәытәӡатәу арҳәага, аԥсуаа ҳҿы акәашареи ашәаҳәареи рыҿиара ицәырнагеит, аритм ахҵареи аинҟьара афункциеи нанагӡоит, даҽакала ус иагьашьҭоуп "аинҟьага" ҳәа. Амузыкаҭҵааҩы Инна Аҳашԥҳа иҳаҩсыз ашәышықәса…
🥢 Аԥсуа хәыҷқәа аџьықәреи ахәҵәы иалхынгьы аҟьаԥ-ҟьаԥқәа ҟарҵон хәмаргас. Аҟаҵара зынӡа имариан: аџьықәреи ахәҵәы аҟәартәрақәа ҩба ааныжьны, ахԥатәи инаҵакны ихырҵәон, аҟәартәра ахьамам аҵыхәала ҩыџьара-хыџьара идыршьон, нас ахы кны ианырҟьалак ҟьарԥ-ҟьарԥ ҳәа абжьы аргон.
🌰 Ажәытә аинҟьагақәас ахархәара рыман иара убас араса кылҵәеи акакан кылҵәеи: ҩ-каканк, ма ҩ-расацк арахәыц ркылданы еиқәуҳәалоит, нас иааиларшаны ирххо-ирдо дара-дара еинуҟьоит.
Убас, авибрациатә бжьы узҭо арҳәаганы ишнеиуаз хәыҷы хәмаргас иҟалеит аӷырӷы́н // авырвы́н // авырвы́р (волчок; юла из скорлупы грецкого ореха). Аӷырӷын аҟаҵаразы арасац хыџьара икылуҵәоит, арахәыц кылданы еиқәуҳәалоит. Иазырҳәо инапқәа наҟ-ааҟ абри арахәыц ибжьакны ицнапык ааргьежьуа, арахәыц еикәиршоит. Нас инапқәа ааиҵыхуа-иааиҵагало, арахәыц рххо-иркәадо арасац иргьежьуеит. Арасац убри аан "ӷырр-вырр" аҳәоит.
Ахыҵхырҭа: Инна Аҳашԥҳа "Ҭаҳәҳәарылеи еинҟьарылеи аԥсуаа иадырҳәо аинструментқәа"
NB: Абас ажьжьагақәа ыҟан ахәыҷқәа рзы, ахәарҭарагьы рылан. Иахьа ишеилкаау ала, ахәыҷы инапы, инацәкьарақәа аус дзыруа ахәмаргақәеи (на развитие мелкой моторики и сенсорики), аҿырпын еиԥш иҟоу аҭаҭәҳәагақәеи иеизҳаразы, ицқьаны ацәажәара иалагаразы даара изеиӷьуп.

👍14❤4❤🔥3
• Ахшыҩ ахьыҟоу апатугьы ыҟоуп.
• Аҟәыш дагьууандаз дагьуаӷандаз.
• Акрыздыруа ила уафааит (уеиқәирхоит).
• Ауаҩ ҟәыш узқәа дкыдзаргьы дхьанҭаӡам.
• Даназгәаҟуа аамҭазоуп аҟәыш аҟәышра зиҭаху.
• Ахшыҩда дууазар аҵкыс, ахшыҩ змоу дуаӷазар еиӷьуп.
• Ауаҩ ҟәыш агәыр аҵа дкылсуеит.
• Аҟәыш ацҳа иԥшаанӡа агаӡа дықәсуангьы ҟалахьеит.
• Аҟәыш ашә дшашьҭаз агаӡа диасит.
• Аӡәы атәым еибашьраҿы дуаҩдыруп ҳәа.
• Гаӡеи ҟәыши зеибадыруам.
• Ауаҩ ҟәыш дзықәшәо ихы анираалоит.
• Агаӡа аисра дшаламгьы далахоит, аҟәыш дшалоугьы далсуеит.
• Аиҳабы мхәыц ижәлар ҭаирхоит.
• Абзамыҟә зегьы идыруа џьишьоит.
• Ашышкамси ашьхеи русура дазхәыцыр абзамыҟәгьы ахшыҩ инарҵоит.
• Аӡәы идырра ԥасахоит, егьи идырра хьшәахоит.
#ажәаԥҟақәа
Please open Telegram to view this post
VIEW IN TELEGRAM
👍13❤3💯3
Ахьыуардын
Аԥсҭазаара узышьцылаз угәы уҽанӡамкәа хагәха ианцо иузыхьчаз, иузеиқәырхаз зегьы маакырас иуоуеит, агәыӷра ду унаҭоит. Убас агәышьҭыхратә мчы аман тҟәарчалаа аԥышәара хьанҭа ианҭагыла аҭыҵра иаҟәымҵыз агазеҭ "Ткварчельский горняк". Иара ахаҭагьы Аџьынџьтәылатә…
This media is not supported in your browser
VIEW IN TELEGRAM
Аҭоурыхҭҵааҩ Аслан Аҩӡба тҟәарчалаа рфырхаҵара иазкны
🔗 Гәдоуҭеи Тҟәарчали ақалақь-фырхаҵа ҳәа ахьӡ рыхҵоуижьҭеи сынтәа 15 шықәса ҵит
🧡 Ахьыуардын шәақәтәа
🔗 Гәдоуҭеи Тҟәарчали ақалақь-фырхаҵа ҳәа ахьӡ рыхҵоуижьҭеи сынтәа 15 шықәса ҵит
Please open Telegram to view this post
VIEW IN TELEGRAM
👍14❤5🔥2
Аԥсуаа иахьатәи абокс иазааигәоу аспорт хкы рыман, а́дық ахьӡын (адықҳәа акшара аҟынтә). Аманшәалара узаазго ритуалтә хәмаррас иахәаԥшуан, аха амҩаԥгашьа ахаҭа абокс аԥҟарақәа угәаланаршәоит. Инарҭбааны дазааҭгылеит Цира Габниа лышәҟәы "Амифи аритуали" аҟны, ҳаргьы уи хыҵхырҭас иҳауит.
Ари ахәмарра мҩаԥыргон шьхацан. Қыҭа-қыҭала рырахә рыманы дасу рышьхақәа ианырхылалак, рҭыԥқәа рҿы ианаагылалак, ахьшьцәа еиҭанеиааиуан, еиҿцаауан, убасҟан аицлабрақәеи аиқәԥарақәеи еиҿыркаауан. Ашьац уарҳалшәа изқәиаауаз дәҟьаҟьарак аалхны, иаакәыршаны ахаҳә дуқәа шьҭаҵаны итәон ахәаԥшцәа.
Идыреиқәԥоз зымч ҭоу, зыкапан еиҟароу аҿар ракәын. Аицлабрахь инеиуаз анапҭарԥақәа рҭахын, урҭ рхала ирӡахуан аӡыс ма асыс ацәа иалхны, рнапы иамшьырц аҩнуҵҟа ашьабсҭа ахәыжә, ма аҵыҭәа рҩа ҭарӡахуан. Ацәа арҟәымшәышәразы ашәарах ршьахәар ашша ахьыршьуан. Ианыкшо иахыҩрны икамҳарц, ааҷа шашәақәа ҿаҳәагас ирыҵырдон.
Адық аԥҟара хада – аӡара алахыс акшара ҟалаӡом, уи еилазгаз ԥхьаӡарак изагдырхон. Ӡбаҩцәас иҟан реиҳа иахьубарҭоу аҭыԥ аҿы идыртәоз абыргцәа. Аиндаҭлара хә-напыкны ицон. Ааха узыҟамҵакәа баша унапы уҟьацыԥхьаӡа хаҳә сса шкәакәак урҭон, хә-хаҳәык зауз даҵахеит ҳәа ԥхьаӡан.
"Раундк" иазыԥҵәоу аамҭагьы агәаҭашьа аман. Заа аџьмацәа рҩаны, ааҷала ирхәаны аӡы ҭарҭәон, кәаԥ-кәаԥҳәа цәыкәбарла икылсны ицаратәы џьара ихыршьуан. Абас хмаҷырк аӡы нҭыкәкәа ицаанӡа идыреисуан, аӡы анаанҵәалак бреик-таим ҟалон, рыԥсы ддыршьон, нас еиҭаҭарҭәон.
Адықҳәа изысыз ишьапы дықәҟьаны дкаҳар, дгылаанӡа изыԥшуан, иԥсы еилахәазар асыԥса-ӡы иҿарҟьон далырхырц. Руаӡәк инапы, ма ишьапы хәжәар ақәԥара ааныркылон, аиааира згаз ҳәа уаҩ далыркаауамызт. Изымгылаз, ма "уаҳа исылшом" зҳәаз даҵахеит ҳәа ԥхьаӡан.
Аиааира згаз ҳамҭас ирҭон аџьмашьтәа, ма ауасашьтәа, ҳаҭак азна ачаҩыр, ашәха еилаҵа дуқәа хәба. Аҳамҭа аасҭагьы еиҳаз – ахьӡ-аԥшеи ашьха амшреи иоуан.
📖
Ааҷа́ – ремень особой выделки из козьей шкуры

👍18❤5
Ахьыуардын
Аԥсуаа иахьатәи абокс иазааигәоу аспорт хкы рыман, а́дық ахьӡын (адықҳәа акшара аҟынтә). Аманшәалара узаазго ритуалтә хәмаррас иахәаԥшуан, аха амҩаԥгашьа ахаҭа абокс аԥҟарақәа угәаланаршәоит. Инарҭбааны дазааҭгылеит Цира Габниа лышәҟәы "Амифи аритуали" аҟны…
Адық ақәԥаҩцәа рыкапанра шымҩаԥысуазгьы даара аинтерес аҵоуп. Аԥсны ашьхарахь аҵааҵлақәа ирызҳауеит, убри капангас ирыман.
Ишәпацәам махәык аалхны аиндаҭлара иалахәыз аӡәаӡәала иахьындырҳалон, шаҟа идырхәаз гәарҭон. Ирхәаз амахәи адгьыли ирыбжьоу зларшәоз алаба ҷыда рыман (ишшәырӡа, аха имтыруа). Ақәԥаҩ амахә анааирхәалак, ашәаҩы илабашьа иманы днеиуан, иҿаҟәон. Зҿаҟәарақәа еизааигәахаз рыкапан еиҟароуп ҳәа азгәарҭон.
🌿 Аҵааҵла (береза Литвинова) – Кавказ ада џьаргьы иазҳауам, Урыстәыла Ашәҟәы ҟаԥшь иҭагалоуп. Аԥшаӷьи асыԥсақәеи рымшала бжеиҳан ихәа-хәаны иазҳауеит, асахьа џьашьахәқәа шьҭнахуеит.
🧡 Ахьыуардын шәақәтәа
Ишәпацәам махәык аалхны аиндаҭлара иалахәыз аӡәаӡәала иахьындырҳалон, шаҟа идырхәаз гәарҭон. Ирхәаз амахәи адгьыли ирыбжьоу зларшәоз алаба ҷыда рыман (ишшәырӡа, аха имтыруа). Ақәԥаҩ амахә анааирхәалак, ашәаҩы илабашьа иманы днеиуан, иҿаҟәон. Зҿаҟәарақәа еизааигәахаз рыкапан еиҟароуп ҳәа азгәарҭон.
🌿 Аҵааҵла (береза Литвинова) – Кавказ ада џьаргьы иазҳауам, Урыстәыла Ашәҟәы ҟаԥшь иҭагалоуп. Аԥшаӷьи асыԥсақәеи рымшала бжеиҳан ихәа-хәаны иазҳауеит, асахьа џьашьахәқәа шьҭнахуеит.
Please open Telegram to view this post
VIEW IN TELEGRAM
👍14❤6
Ахьыуардын
Media is too big
VIEW IN TELEGRAM
Енвер Бзагәа аиааира ганы сыҩныҟа ҳәа Аԥсныҟа дааит!
Аҿари аспорти русқәа рзы аҳәынҭқарратә еилакы аҳәааҿы иԥылара еиҿыркааит шәаҳәарыла-кәашарыла. Ихаҭагьы дықәԥраа, ишьхәа ықәмырсӡакәа ԥсыуала дкәашеит. Изнаало ҳәа иҟами. Аҿар гәазырҳага, Анцәа анагӡара риҭааит!
🧡 Ахьыуардын шәақәтәа
Аҿари аспорти русқәа рзы аҳәынҭқарратә еилакы аҳәааҿы иԥылара еиҿыркааит шәаҳәарыла-кәашарыла. Ихаҭагьы дықәԥраа, ишьхәа ықәмырсӡакәа ԥсыуала дкәашеит. Изнаало ҳәа иҟами. Аҿар гәазырҳага, Анцәа анагӡара риҭааит!
Please open Telegram to view this post
VIEW IN TELEGRAM
👍20❤9❤🔥3
Аветеран Алықьса Шьониа ҳаниҿцәажәоз, ианашьоу аҳәынҭқарратә ҳамҭақәа реиқәыԥхьаӡара даламгакәа длафны иҳәеит: "Дад, урҭ рхыԥхьаӡара сгәалашәом, калаҭк азна ыҟоуп, – ҳәа, нас иациҵеит – абарҭ аҳамҭақәа зегь раасҭа сгәы аладууп Аԥсны жәлар рџьынџьтәылатә еибашьра ашьҭахь Аԥсны раԥхьатәи ахада Владислав Арӡынба иусԥҟала исанашьоу "Агәымшәаразы амедал".
Ҩ-еибашьрак зхызгаз ауаҩы, зхы-зыԥсы иамеигӡакәа аӷа иҿагылаз, аҭынч аамҭазгьы зџьабаақәа рацәоу, Ахьӡ-Аԥша аорден занашьоу Алықьса Шьониа изшаз алахьынҵала 101 шықәса ниҵын ари адунеи аанижьит. Иԥсаҭа лашазааит Аиааира ду ҳзаазгаз, ахақәиҭра иазықәԥоз ахаҵа! Ԥсра зқәым ахьӡ зчаԥаз дреиуоуп.
🧡 Ахьыуардын шәақәтәа
Ҩ-еибашьрак зхызгаз ауаҩы, зхы-зыԥсы иамеигӡакәа аӷа иҿагылаз, аҭынч аамҭазгьы зџьабаақәа рацәоу, Ахьӡ-Аԥша аорден занашьоу Алықьса Шьониа изшаз алахьынҵала 101 шықәса ниҵын ари адунеи аанижьит. Иԥсаҭа лашазааит Аиааира ду ҳзаазгаз, ахақәиҭра иазықәԥоз ахаҵа! Ԥсра зқәым ахьӡ зчаԥаз дреиуоуп.
Please open Telegram to view this post
VIEW IN TELEGRAM
🙏13👍5❤3
Аџьа зҩыда уаҩ дааӡоит
"Ауаҩы маха-шьахала дыӷәӷәазароуп, деилҟьа-еилӷәыцәӡа дыҟазароуп, дызҩыдазароуп. Убри азы иаҭахуп ауаҩы ибаҩ зырҵәуа, алаӡара иман дҟазҵо, аха дыхәжәаны дзымшьуа аџьа. Аџьа аханатә иаӡрыжәыз, иааӡаз дызҩыдахоит, игәеилгарагьы бзиахоит, иибо-иаҳауа гәникылоит, ииашан еилирго дҟалоит.
Дад, сара санахьӡа, абыржә узаҟароу санаҟараз аамҭазы, усҟан уажә ҳазну ашәышықәсагьы мгылацызт, иабатәиу зыӡбахә сымоу, аԥсуаа маха-шьахала иӷәӷәан, рҭеиҭԥш – ауаа нарҳақәа, рыжәҩахырқәа ԥҽаҽаӡа, рӡара аҵиар икылуршәарын, рылақәа ҭыԥхаауа, амца рҿықәыҳәҳә иҟан".
Азеижәтәи ашәышықәса иахааныз, 120 шықәса нызҵыз Мықәтәи абырг Аҩӡы Кадыр иажәақәа
Руслан Қапба ишәҟәы "Аамҭеикәшара зегь азылагом" аҟынтә

👍11❤5❤🔥2
Ԥхынҷкәын 23, 1903 шықәсазы Жәандрыԥшь ақыҭан диит иналукааша аҳәынҭқарратә, ауаажәларратә усзуҩ Анатоли Аҩардан (120 ш.*).
Анатоли Аҩардан Аҟәатәи арҵаҩратә семинариа далгеит, апартиаҿы аҭакԥхықәра зцу амаҵурақәа ааникылон. 1930 шықәсазы иҵара иациҵарц Москваҟа дрышьҭит, Ааглыхратә академиа аенергетикатә факультет дҭалеит. Аҵыхәтәантәи акурс аҿы дыштәаз Аԥсныҟа даарышьҭуеит, Бзыԥтәи абнакомбинат аиҳабыс дарҭоит. Иахьа Риҵаҟа ҳазго амҩаду иара инапхгарала ичаԥан, Пицунда аӡбаарақәа ҭарбаан, убас иҵегь акрызҵазкуа аргыларатә усурақәа мҩаԥган.
1936 шықәсазы Аҟәа ақалақьтә хеилак (Горсовет) ахантәаҩыс далырхуеит. Иара ихаан иргылан Аиҳабыра рыҩны, асасааирҭа "Абхазия", Арҵаҩратә институт ахыбра, ашколқәа, ахәыҷбаҳчақәа, аҩнқәа, аихамҩа, апаркқәа, амҩадуқәа уҳәа. Асовет Еидгыла акыр далсхьан, Аԥсны ахаҿра арԥшӡаразы иаҭахыз аматериалқәа раагара хаҭала дахылаԥшуан.
Анатоли Аҩардан зыԥсадгьыл ашәҭыкакаҷра, аӷьацара иашьҭаз ҵеи лашан, иажәахәқәа, иқәгыларақәа, икьыԥхьымҭақәа, исаламшәҟәқәа зегьы ирныԥшуеит уи. Истатиақәа руак иахьӡуп "Аҟәа баҳча-қалақьны иҟаҳҵап" ҳәа. Зылаԥшҳәаа ҭбааз, зыуаҩра ҳаракыз, аиашареи ацқьареи ныҟәызгоз иакәын. Дқәыԥшны ажәеинраалақәагьы иҩуан, 1919-1920 шш. рзы иҭыҵуаз агазеҭ "Аԥсны" адаҟьақәа ирнуп.
Ас иҟаз арепрессиа ашықәс еиқәаҵәақәа раан аԥхьаӡа иргыланы иаԥырырхуан. 1937 шықәса цәыббрамзазы дҭаркуеит, Нестор Лакәаба имҩаԥигоз "аконтрреволиуциатә усура далахәын" ҳәа ахара идҵаны ддырӡуеит, 35 шықәса дырҭагылан.
Даныргоз иԥҳа хәыҷы Ирина жәымыз лхыҵуан. Иара иааишьҭарххны иԥҳәысгьы дҭаркит, аха деиқәхеит, хәышықәса Сибра илыхганы дааит. Аби ани ирызку аԥҳа лгәалашәарақәа шәрыԥхьар шәылшоит абра>>
*Ирина Ҩарданԥҳа лаб изку лышәҟәаҿы (Дочь за отца отвечает, 2018) даниз арыцхәс иалырбоит ԥхынҷкәын 25, 1905 шықәса.
Асахьаҿы: Анатоли Аҩардан иԥшәмаԥҳәыс Вероникеи иареи, аҭаацәара рархив аҟынтә

👍11❤4
🧩 Ажәахырҿиаара
❄️ Ӷыҵы́мзаԥ – декабрь
Ԥхынҷкәын ахьӡқәа ируакуп, ианиҵеит Омар Беигәаа, (иҭабуп ҳәа иаҳҳәоит иҳаҵазҳәаз ҳаԥхьаҩ). Ԥшь-шьаҭак реилаларала ишьақәгылоу ажәоуп: ӷы-ҵы-мза-ԥ = аӷыҵалара амза (первый зимний месяц, букв.: "месяц вступления в зимний период").
Аӷыҵалара (аӷыҵсра, аӷыҵгара) ажәагьы еиҿышәшәоит аӷ (крупный град; ненастье) аҵалара ҳәа. Иҟалап, ари ажәа аниуаз ажәытә аамҭақәа рзы аҳауа ҭагылазаашьа зеиԥшраз ала, ас-ԥал аиҳа ас-иӷ ауазҭгьы.
Иаҳԥылоит аӡын иадҳәалоу егьырҭ ажәақәа рҿгьы: аӷырӡы́хь (морозный), аӷырҷы́хь (очень холодный), аӷы́жәара (зимовать в гостях), а́ӷын (зима, абаза бызшәаҿы еиқәхеит), аӷны́жәҩан (зимнее хмурое небо), аӷны́мш (зимний холодный день).

👍16❤4
Аԥсуа бызшәа заатәи анҵамҭақәа ҟазҵаз ируаӡәку афранцыз дипломат, ашәҟәыҩҩы Жак-Франсуа Гамба́ диит ԥхынҷкәын 25, 1763 шықәсазы (260).
XIX ашәышықәса актәи азбжазы Кавказ ладеи ҩадеи иалсыз аныҟәаҩцәа дыруаӡәкуп. Аԥсны ҩынтә даҭааит — 1822, 1824 шықәсақәа рзы, ҳагәхьаа даганы ҳәа акәым, ихатә усқәа рҵыхәала: Европеи, Урыстәылеи, Азиеи рыбжьара ахәаахәҭратә еимадарақәа рышьақәгылара дашьҭан, Қарҭ консулс дтәан.
Иҭынхеит аинтерес ду зҵоу ахсаалақәа, асахьақәа, атлас. Аԥсынра ду аҩадахьтәи аҳәаа Тҟәаԥс аҩахыс, Геленџьик азааигәара иаирбоит, Аԥсынра хәыҷы — Ашәтәылан. Акыр еицакны акәзаргьы, ианиҵеит аԥсуа ҭыԥхьыӡқәа жәпакы, ижәар аҿы иарбоуп аԥсуа ажәақәа хынҩажәаҟа.
Гамба иазгәеиҭоит аԥсуаа ашхәа аҟаҵараҿы ишҟазацәоу, Аҟәа иблала иибаз, 25-ҩык зкуа ашхәа аиҿартәышьагьы ҭихуеит. Иара ихаан Аԥсны иаархәоз тауарқәас иҟан ҟрымтәи аџьыкахыш, иара убас ахи-ахәшәи, иҭҟьоз абџьар, аҟамақәа, асахҭан. Арантә иалганы иргон ашыц; аԥыҭҳәа, ацыӷ, аеш цәақәа (шкуры рыси, куницы и белки); ацәацқьа (пчелиный воск); атәцәа.
Гамба ианҵамҭақәа инҭырҳәцааны дрыхцәажәахьеит абызшәадырҩы, апрофессор Виачеслав Чрыгба. Иара игәаанагарала, аныҟәаҩ информантцәас имазар ауан гәыматәи ацәажәашьа зҿаз аԥсуаа, амҳаџьырра ҟалаанӡа Кәыдри Шыцкәареи рыбжьара ҭырҭәааны инхоз.
Асахьақәа: 1. Аԥсны ахсаала, 2. Аҟәа, 3. Аԥсуаа рышхәа

👍16