Ахьыуардын
1.27K subscribers
1.38K photos
222 videos
1.66K links
Ахьыуардын — аԥсуа бызшәеи, аҭоурыхи, акультуреи ирызку апроект ҷыда. Напбзиа-шьапбзиа ахьыуардын дақәтәоуп. Шәҳацла: ахьы хәыҷуп, аха шәкы ицоит, аӡә дышәҩыкны дҳаԥхьаӡоит.
Download Telegram
Ҳаамҭазы аҿар, ахәыҷқәа ирылаҵәаны иҟоу ахәмаррақәа иреиуоуп "Пол – это лава" захьӡу: адгьыл уқәкьымсӡакәа еиуеиԥшым аԥынгылақәа урхысроуп. Абри угәалазыршәо, алахҿыхра зцу "аԥышәара" аԥсуаагьы ирыман. Зыӡбахә ҳҳәо архаикатә цәа зыҟәну ауапакәашароуп. Ауапа иқәкәашоз еиҳарак аҿар ракәын, уи иҷыдоу аҟыбаҩ аҭахын.

Зны аԥҳәызба лхаҵкы камыршәуа, ашьац дыламыргылаӡакәа, ауапа шьҭаршәны ддыркәашоит, нас арԥыс даалеихырхәаны, длываҽырбо даақәлоит. Аҩыџьагьы ауапаҿы еицыкәашоит, иқәҵыр, ма ирыҵаҽылар ҟалаӡом. Ауаа рыкәшаны игылоуп, анапеинҟьабжьқәеи аркәашагеи еиҳа-еиҳа иццакхоит. "Шәас, уара, ауапа рыҵаркит!" – рҳәоит ашәаҳәацәа. "Ауапа зшьапы ықәҵыз дбылуеит!" – ргәы рҽанырҵоит егьырҭ.

Арԥыси аҭыԥҳаи реицыкәашара рыласшьеи, рҟазареи адагьы рыламыс, рыпатуеиқәҵашьа ахьынӡаҳараку унарбон. Еицлабрамызт, абаҩхатәра аигәарӷьара иазкын.

Еиҳа инарҭбааны дахцәажәоит афольклорист Есма Ҭодуаԥҳа абри лматериал аҟны>>

🧡 Ахьыуардын шәақәтәа
Please open Telegram to view this post
VIEW IN TELEGRAM
👍166
Ахьыуардын
Ҳаамҭазы аҿар, ахәыҷқәа ирылаҵәаны иҟоу ахәмаррақәа иреиуоуп "Пол – это лава" захьӡу: адгьыл уқәкьымсӡакәа еиуеиԥшым аԥынгылақәа урхысроуп. Абри угәалазыршәо, алахҿыхра зцу "аԥышәара" аԥсуаагьы ирыман. Зыӡбахә ҳҳәо архаикатә цәа зыҟәну ауапакәашароуп. Ауапа…
Ауапа злырхуа аласа иҟалоит ишкәакәазар, еиқәаҵәазар, ма ихәышлаԥсазар. Аха, иаҳҳәап, аласа шкәакәоуп иумоу, арахь ауапа еиқәаҵәа уҭахуп, усҟан ауапцәа ушәыроуп. Изларшәуаз иреиуан шәақьԥынҵала аҳацаҟьа иаҿырхуаз аԥсабаратә минерал ақардуаг (сурик). Аласа рапаны ианаалгалак (уи иацырҳәоз ашәагьы ыҟан), "ахырҭәага" иҭыганы, ақардуаг рҭәаны иӡааршьуан. Абри апроцесс даара исахьаркны иааирԥшуеит Мушьни Миқаиа ироман "Ашацәа ртәарҭа" аҟны:

"Ақардуаг ашьха ҵәцашқәа рыкьышәкьышәрақәа рҿы иамиаауеит. Убри ацаҟьа иамиаауа ахаҳә еиқәаҵәа
ахьыкнаҳау, егьа дшәарыцаҩ еибагазаргьы, ҽышьаԥхыц ахьакуа, ахалара илшозаргьы, ақардуаг ахьыкнаҳау ацаҟьа аԥынҵаҿы дызнеиӡом. Убри аҟынтә, аԥышәа ду змоу ашәарыцацәа цаны, ахра ахыцәқәа иамыҳәҳәо ахаҳә еиқәаҵәа, ахызаҵә зҭоу, аԥсыуа шәақьла еихсны, иҿырҷҷаны иларышьҭуеит!

Аласа шкәакәа иалхны ауапа хәылда еиқәаҵәа зӡахырц зҭаху ауапа шыдрапара-ианыдрапалак, ақардуаг хьыршаӡ аҵырхуеит. Убри ашьҭахь асы аҟара ишкәакәоу аласалых уапа, аџь ацәа самсал аҟара еиқәаҵәахоит. Раԥхьа илнакааз аиқәаҵәарагьы, аб иаб иԥара иақәлахоит, аԥштәы еицакӡом".


Ақардуаг ҳәа хьӡыс измоу, зықәцәа арбаӷь ика иеиԥшу ахрагьы ыҟоуп Абжьыуа, аӡбахә уԥылоит Алықьса Гогәуеи Џьума Аҳәбеи рҩымҭақәа рҿы. Аҳәба дқәыԥшны ажәабжь хәыҷыкгьы азикхьан "Ауаҩызаҵә имҩа" ҳәа. Ақардуаг ахра иалдоу амҩахәасҭа убасҟак ипоуп, уҩшьапык узеиваргылаӡом, инеихда-ааихдо уцалароуп. Анкьаӡа зны шәарыцаҩык ақәасаб иҟәаҟәа икыдҵаны абри ахра дықәсхьазаарын, аха иара иаамышьҭахь аӡәгьы изымгәаӷьит аҿалара, уи аҟынтә "Ауаҩызаҵә имҩа" ҳәа ахьыӡхеит.

📖 Ауапахәы́лда - бурка с длинным ворсом

🧡 Ахьыуардын шәақәтәа
Please open Telegram to view this post
VIEW IN TELEGRAM
👍194
Ахьыуардын
Ацәажәара иазку аԥсуа ҳәамҭақәа🎩 Рыхәҭак аааҳгоит Игор Ҵнариа еидикылаз ажәаԥҟақәа ирылхны, егьырҭ Ҭырқәтәылатәи аԥсуаа ирҳәамҭаны Владимир Аҩӡба ианиҵаз рҟынтә. ▫️Ацәажәара иацуп аӡырҩра. ▫️Умцәажәар уҿаҳау џьыршьоит, амцхә уцәажәар ргәы ԥуҵәоит. ▫️Ухызхыз…
"Ажәа – амалқәа зегьы ирмалуп" иҳәеит Жәлар рпоет Баграт Шьынқәба цәаҳәацыԥхьаӡа ажәаԥҟас ауаа ирылаҵәаз ԥсра зқәым иажәеинраалаҿы. Ажәа аҳәара иазку ажәлар иаԥырҵаз аҳәамҭа гәылшәақәагьы даара ирацәоуп, ҳажәа иалоуп, рыхәҭак ааҳгахьан хыхь>>

Уажәы шәаԥхьарц ишәыдаагалоит Ҭырқәтәылатәи аԥсуаа рҿы ианҵоу ажәаԥҟақәа ирылҳаԥшааз (апрофессор Олег Шамба иеизга аҟынтә).

• Ажәагьы ашәага амоуп.

• Ажәа ауаҩы дааӡоит, дагьашьуеит.

• Абз зҿоу аҳәа ццышә иҭахым.

• Ажәа ажәа ариуеит.

• Ажәа иаша амш бзиа иеиԥшуп.

• Ажәа хәахәа аус арбгоит.

• Абз иаанаго еиҳауп амч иаанаго аҵкыс.

• Агәы иҭоу ауп абз иаҳәо.

• Агәы цаԥхас иамоу абз ауп.

• Ахага иажәа ибз иқәуп, аҟәыш иажәа игәы иҭоуп.

• Бзы хаала цаԥхада абаа агәашә аауртуеит.

• Зҵыхәа зыршәшәо ибз уацәшәа.

• Зымч маҷу ибз дууп.

• Ажәа хаа ацха аиҳагьы ихаауп.

• Абз хаа зҿоу ацуҭа итәуп.

• Абџьар аӡә дашьуеит, ажәа – шәҩык.

• Амц шә-бызшәак амоуп, аиаша – акы.

• Аҽы иаҳәаша акәадыр иаҳәоит.

• Ахы иазымдыруа абз егьзаҳәом.

• Абз баҩ алам, иаурҳәалак аҳәоит.

• Ушәозар иумҳәан, иануҳәа умшәан!

#ажәаԥҟақәа

🧡 Ахьыуардын шәақәтәа
Please open Telegram to view this post
VIEW IN TELEGRAM
👍209
"Ее, дад, аԥсҭазаара мыжда… Ауаҩы иԥсы анҭоу адыӷаџьа инаркуеит, данԥслак игәы ашәҭ ықәнаҵоит".

Алықьса Гогәуа ироман "Аҽыкәаҳа" аҟынтә, Кадыр иажәақәа

Ады́ӷаџьападуб колхидский, Аԥсны изызҳауа реликт ҵиаауп, ендемикуп, аџьра, ахьацара, аԥсара, ашәра иаҵиаауеит. Ашәшьыраҿы аҿиара азымариоуп, метрак инаркны 6-7 метра рҟынӡа иҩаӡоит. Абӷьы иаҵәа ҭырффақәа "цҳауеит", мӷыцла ихыркәшоуп, акофеин рылоуп, ашәыр кәымпыл ҟаԥшьқәа аҿалоит (ауаҩы изы ишҳамуп).

Аиԥш зеиԥшу аҵиаақәа маҷуп, аха ахкқәа уԥылоит Европа, Азиа, Америка. Ашықәс ҿыц аныҳәа анааигәахәо аҩычараҿы рхы иадырхәоит.

🤓🪄 Гарри Поттер инашана лаба адыӷаџьа амахә иалхын.

📽🎞 Калифорниа иҟоу еицырдыруа Голливуд аҭыԥхьыӡ аԥсышәала иаанагоит "Адыӷаџьара".

🔎Адыӷаџьара – Аԥсны иуԥыло микротопонимуп, Гәылрыԥшь араион, Амтҟьал ахахьы, иара убас Гәыԥ ақыҭан (В. Кәарҷиа. Аԥсны атопонимика)

🧡 Ахьыуардын шәақәтәа
Please open Telegram to view this post
VIEW IN TELEGRAM
👍138
Ахьыуардын
Абнаӡахәақәагьы хкы-хкыла иҟоуп, Аԥсны изызҳауа рҟынтә ҩба рыхьӡ ҳаԥшааит. Абтәыҩа (обвойник греческий, букв.: "козий рог"), ҳәа иҟоу ибзианы иҵәиуеит, асакасақәа аларшышуан ажәытәан. Алмышә ӡахәа акәзар, уигьы унапаҿы иааиуеит, ашаха ацымхәрас рхы иадырхәон…
Абтәыҩа ҳәа изышьҭоу абнаӡахәа закәыз еилаҳкааит – обвойник греческий (Periploca graeca), Џьонуа-Касланӡиа ржәар иануп. Аԥсышәала иҵегь ахьӡқәа амоуп: аӡа́рҵәи* (скрученная лиана), абарба́цхәшәы (средство от аллергии).

Ари аҵиаагьы Кавказ азы иреликтуп, Ҟәыбина аӡиас аԥшаҳәа инаркны Баҭымынӡа иазҳауеит. Чечентәыла, Ставропольтәи атәылаҿацә рышәҟәы ҟаԥшьқәа ирнуп. Аԥсабараҿы зхала игылаз, иагәаԥханы ианазҳа ирақьҭа-шәақьҭо акрамҽханакуеит, аҵлақәа ирхаԥоит, ахацхә уалахахар ауеит, иԥҵәаӡом. Ацҳа бжьанда ("живой" висячий мост) алҵыртә иӷәӷәоуп, изеиҷаҳатәу акоуп.

*Аӡарҵәи аҵакы хада – иаӡоу ахларҵә, ма абыца аҷын иалырхуаз аҿаҳәага

🧡 Ахьыуардын шәақәтәа
Please open Telegram to view this post
VIEW IN TELEGRAM
Please open Telegram to view this post
VIEW IN TELEGRAM
👍16
Аӡы акәӡамызт, ацәаҟәа ашьа ажәуан,
Ирзымычҳазт, иԥсит ацәашьқәа.
Илаӷырӡышуеит Лаҭатәи ажәҩан,
Рыҵәаабжь аныҩуеит ахәыҷқәа.
Уа Ерцахә ӡыш иамбаӡац ҳәа иҟоузеи?
Иамбацызт ауаҩы дырбылуа!
Аӷа хәымга хҿыхшьас ҳәа имоузеи,
Анацәеи рыхшареи збылуа?!


Баграт Шьынқәба

Егьа аамҭа царгьы хҿыхшьак, хырқьиашьак змам, уаҩԥсхылҵ зегьы зқәыӡбаша, идырны иҟаҵаз гәнаҳара дуны иаанхоит Лаҭатәи атрагедиа. Ԥхынҷкәын 14, 1992 шықәса. Еҳ, изакәытә гәырҩақәоузеи излаԥшхьоу ҳажәлар, гәыла ирымгар, амшын ҭанарбо... Ргәалашәара ԥшьазааит ԥсаатәҵас ажәҩан иазцаз аԥсыцқьақәа!

🧡 Ахьыуардын шәақәтәа
Please open Telegram to view this post
VIEW IN TELEGRAM
😢12💔4
Ахьыуардын
Аӡы акәӡамызт, ацәаҟәа ашьа ажәуан, Ирзымычҳазт, иԥсит ацәашьқәа. Илаӷырӡышуеит Лаҭатәи ажәҩан, Рыҵәаабжь аныҩуеит ахәыҷқәа. Уа Ерцахә ӡыш иамбаӡац ҳәа иҟоузеи? Иамбацызт ауаҩы дырбылуа! Аӷа хәымга хҿыхшьас ҳәа имоузеи, Анацәеи рыхшареи збылуа?! Баграт Шьынқәба…
Лаҭа иҭархаз авертолиот МИ-8 аԥсҟы зкыз Сергеи Илиухин 24 шықәса ракәын ихыҵуаз, аха аԥышәа змаз ԥырҩын, алеитенант еиҳабыс дыҟан, аџьшьарақәа иоухьан. Аԥсныҟа дааит жьҭаарамзазы, агуманитартә реисқәа иманы Тҟәарчали Гәдоуҭеи дрыбжьан.

Хьыӡҳәала даҳгәалаҳаршәоит, избанзар сынтәа 55 шықәса дырҭагылазаауан дыҟазҭгьы.

Ԥхынҷкәын 14, шьыбжьышьҭахь, иаазышьҭыхуаз зегь ақәыртәаны Тҟәарчал иҵԥрааз авертолиот, фба рыбжазы Лаҭа иахысуан еиԥш ақырҭқәа иоурыжьыз аракета аахеит. Сергеи иҩызцәеи иареи хаԥсыра баны артәара рылшеит, аха аҩнуҵҟа абылра иалагахьан. Амца зкыз аԥрыга адгьыл ианықәгылагьы уаҩ иԥсы игартә изыҟамлеит, иҭыҵыргьы аӷа ихымца рзыԥшын. Иагьабаҵәахыз агыгшәыгқәа абысҟатәи рцәымӷра?

Амца иалаблит 87-ҩык ауааԥсыра, 84-ҩык апассаџьырцәеи хҩык аекипаж алахәцәеи. Ахәыҷқәа, аҳәса, абыргцәа, мышлашарак абараҵәҟьа змаӡаз мгәарҭа иҟаз асабицәа, аибашьцәа, лахьынҵацәгьак еицеиҩыршеит... Рыԥсқәа ҭынчзааит!

🧡 Ахьыуардын шәақәтәа
Please open Telegram to view this post
VIEW IN TELEGRAM
🙏15😢5💔4👍31
Абри аҽны 105 шықәса раԥхьа Гагра диит Асовет Еидгыла Афырхаҵа, аԥсуа патриот Ражден Миха-иԥа Барцыц (1918 - 2002).

Ражден дшыхәыҷызнатә амшын игәы-иԥсы алан, дымшынуаҩхар иҭахын. Баҭым аӡхәыҵалацәа рышкол далганы данаа Гагра аиқәырхаҩс аус иуан. 1939 шықәсазы Арра-мшынтә флот ахь иԥхьеит, аибашьра аханатә далахәын.

Аԥхьа деибашьуан Нхыҵ Кавказ, Моздок ахәрагьы иоуит, анаҩс диаргеит аахыҵҟа, Азовтәи амшынтә флотилиа дахәҭакын, арратә катер – атендер ныҟәицон. Анапа, Севастополь, Кьерч, "Адгьыл маҷ" аруааи абџьари ӡхигон. Абри аҩыза аоперациақәа руак аан џьаԥҳаныла иҭәыз Барцыц итендер Кьерч ишыӡхыҵуаз аӷа игәеиҭан ахыԥсаҟьагала амцақьоуқьад ажәиҵеит. Аха иҩыза амотористи иареи ргәы меиҭаԥакәа, ихьамҵӡакәа рус нарыгӡеит, адесант бџьарла еибырҭеит, ианықәҵуаз ахәцәагьы шьҭырхит. 1944 шықәсазы Ражден Барцыц иааирԥшыз агәымшәара ду азы Асовет Еидгыла Афырхаҵа ҳәа ахьӡ ҳаракӡа ихҵан, убас хыԥхьаӡара рацәала амедалқәеи аорденқәеи ианашьоуп.

Аибашьра ашьҭахь даҽа ҩышықәса арратә флот амаҵ азиуан, амшын аҿы иаанханы иҟаз аминақәа ԥижәон. Адемобилизациа ашьҭахь иҩныҟа дааит, изанааҭ дазыхынҳәит, акыршықәса аиқәырхаратә станциа деиҳабын, Гагратәи акемпинг напхгара аиҭон.

Аԥсны жәлар рџьынџьтәылатә еибашьраан Ражден Барцыц иԥазаҵәгьы аӷа гәышԥыла диҿагылеит.

🧡 Ахьыуардын шәақәтәа
Please open Telegram to view this post
VIEW IN TELEGRAM
👍11🔥2
Аԥсҭазаара узышьцылаз угәы уҽанӡамкәа хагәха ианцо иузыхьчаз, иузеиқәырхаз зегьы маакырас иуоуеит, агәыӷра ду унаҭоит. Убас агәышьҭыхратә мчы аман тҟәарчалаа аԥышәара хьанҭа ианҭагыла аҭыҵра иаҟәымҵыз агазеҭ "Ткварчельский горняк".

Иара ахаҭагьы Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду иалиааит, 1992 шықәса цәыббрамзазы 50 шықәса ахыҵра азгәарҭараны иҟан, аха нанҳәа 14 рзы ихабгалеит урҭ агәҭакқәа.

Амацәаз иҭакыз ауааԥсыра ирхыргаз уагәылазырԥшуа мшынҵак иаҩызоуп усҟан иҭыҵуаз аномерқәа. Атипографиа акәша-мыкәша аснариадқәа шкаҳауазгьы, ақалақь аҿы афымцалашара шеиԥҟьалозгьы, шықәсыбжак инарзынаԥшуа агазеҭ аусзуҩцәа — аҳәса гәымшәақәа русура еиԥдмырҟьеит.

Иахьа урҭ аномерқәа еидкыланы хаз шәҟәны иҭыжьуп, аиқәыршәаҩцәа — зџьабаа аду ажурналист Мадона Кәыҵниаԥҳаи аҭоурыхҭҵааҩ Аслан Аҩӡбеи. Атираж 500 цыра.

Ҵаҟатәи афото: Аԥсныпресс

🧡 Ахьыуардын шәақәтәа
Please open Telegram to view this post
VIEW IN TELEGRAM
Please open Telegram to view this post
VIEW IN TELEGRAM
👍125
☑️ Аԥсуа бираҟи аиааиреи еинаалоит! Абоксиор Енвер Бзагәа апрофессионалтә ринг аҟны ахԥатәи аиааира игеит, ақәгылара мҩаԥысуан иаха Анкара. Иԥсадгьыл абираҟ ҳаракӡа ишьҭыхны иршәыршәыруа, даҵаҽырбо дшықәлаз ҳгәы ҟанаҵеит. Идырҩатәгьы, идырхатәгьы еиӷьхалааит!

Арԥыс иҭоурыхтә ԥсадгьыл ахь ихынҳәра шыҟалаз шәаԥхьар шәылшоит абра>>

🧡 Ахьыуардын шәақәтәа
Please open Telegram to view this post
VIEW IN TELEGRAM
👍236❤‍🔥5
1973 шықәса, ԥхынҷкәын 17 рзы диит Аԥсны Афырхаҵа Андреи Иунчес. Иԥсы ҭазҭгьы иахьа 50 шықәса ихыҵуан.

Аӡын аҵаа иԥахны иҿанаҳәо сибратәи ақалақь Томск ииз, ҩажәа шықәса ирҭагылаз аҷкәын хатәгәаԥхарала аԥсуа жәлар дрыцхраарц дааит ахеиқәырхара ианаҿыз аамҭазы.

Андреи Гәымсҭатәи афронт аҿы деибашьуан. Марттәи ажәылараан гәдоуҭаа аҷкәынцәа дрыцны Аԥсны аҳҭнықалақь ахақәиҭразы дҭыҵит. Агәыԥ "Аҩны иаҵәа" ҳәа изышьҭоу аҟынӡа инаӡеит, аха дук мырҵыкәа аҭагылазаашьа еиҭасгәышьеит. Зынӡа ицәгьарахо ианалага, Андреи ианиашьа ихаҵашьахан, аҩны ахыб дықәгыланы аӷа дмааскьарц хыԥсаҟьагала икылкааны дхысуан, акыргьы ааха риҭеит. Ақырҭқәа атанк ала ари аҩны иақәкны ахысра анҭарҵагьы иҭыԥ дахымҵит, гәымшәарыла аԥсра даԥылеит.

Андреи Иунчес анышә дамадоуп Аҟәа, Ахьӡ-Аԥша абаҳчаҿы. Дзааӡаз иани иаби иашоуп ҳәа рыԥхьаӡеит ихы зқәиҵаз адгьыл аҿы изқәаҭыԥ ҟаларц, аԥси аԥси еихәоит ҳәа иҩызцәа рывараҿ дынрыжьит. Ихьӡ кашәара ақәым!

🧡 Ахьыуардын шәақәтәа
Please open Telegram to view this post
VIEW IN TELEGRAM
😢12🙏6
Ашәҟәыҩҩы бзиа еснагь дфилософуп. Аҩымҭа заҟаразаалак уаԥхьаны уанаалгалак ухатә хәыцрақәа рышьҭа ԥо рҿынархазар – ихықәкы наигӡеит.

"Шаҟа еилкаамзеи ари адунеи... Анцәа иџьшьоуп ауаатәыҩса иаҳзымдыруа, ҳахшыҩ ахьзымнаӡо макьанагьы иахьыҟоу! Мамзар, аԥсҭазаара ҵакыс иаиурызеи? Хаарас иазынхозеи? Аԥсабара амаӡак анаҵух, нас иара ахаҭа алаԥшқәа идырааԥсаз ашәҭ еиԥш иныхбаларгьы алшоит. Мшәан, ҳарҭ зегьы ҳнапқәа ҩеиҵыхны аеҵәақәа ҳнырхьысуа, иаҳшьышьуа аҟынӡа ҳҩеир, аеҵә еҵәарас ирылоузеи?!"

Рушьбеи Смыр

🧡 Ахьыуардын шәақәтәа
Please open Telegram to view this post
VIEW IN TELEGRAM
👍175🙏2
Аҟьаԥ-ҟьаԥ (трещотка) – еиуеиԥшым ажәларқәа иныҟәырго ижәытәӡатәу арҳәага, аԥсуаа ҳҿы акәашареи ашәаҳәареи рыҿиара ицәырнагеит, аритм ахҵареи аинҟьара афункциеи нанагӡоит, даҽакала ус иагьашьҭоуп "аинҟьага" ҳәа.

Амузыкаҭҵааҩы Инна Аҳашԥҳа иҳаҩсыз ашәышықәса аҽеиҩшамҭазы Аҷандара, Чычаа рыҩнаҭаҿы илбеит ажәытә сахьа змаз аҟьаԥ-ҟьаԥ, уи аҭбаара маҿак иаҟаран, 12 ӷәыцәмаҟьа рыла еибыҭан. Усҟантәи аамҭазы лара дызлысхьаз ақыҭақәа рҿы аиԥш зеиԥшу лԥыхьамшәацызт, амузеи иарҭеит. Шәазхәыц шаҟа еиҭеиз уижьҭеи ҳкультура, иахьа аԥсуа ҟазацәа рнапала иҟаҵоу аҟьаԥ-ҟьаԥқәа ҳарҿиаратә коллективқәа зегьы иркызар.

Аҟьаԥ-ҟьаԥи аӷәы-лабеи (адиаспораҿы ибзианы еиқәханы иҟоуп) ачарақәа раан акәын зегь раасҭа ахархәара анрымаз, ачара аура зҽазыҟазҵоз заа идырхион. Абри аҷыдара Кавказ ажәларқәа еицырзеиԥшуп.

Ҳаԥхьап 80 шықәса ирҭагылаз џьгьардатәи ажәабжьҳәаҩ Теб Шармаҭ иҟынтә Инна Аҳашԥҳа ианылҵахьаз ажәабжь:

"Анкьагьы уажәеиԥш акәашарақәа раан, аԥсуаа ашәа анырҳәауаз рнапқәагьы еинырҟьауан. Аха ишыжәдыруа еиԥш, ари анапеинҟьабжьы уи аҟара иӷәӷәам. Абри аҟнытә ргәы намӡауа иалагеит. Акәашацәа иаҳа ргәы арҭамамырц азы ирхәыцуа иалагеит анапеинҟьабжь аҵкыс иаҳа иӷәӷәаз абжьқәа злаҭыргашақәа. Иаалаган, иҩаз аламԥақәа ирылхны иҟарҵеит ауаҩы имаҿа иаҟарақәаз аӷәцәмаҟьақәа жәаба-жәаҩаҟа. Арҭ аӷәцәмаҟьақәа рыхқәа аардадашәа ааҷала иааидырҳәалан, акәашацәа ршьапқәа ирықәыршәаны, ҟьарԥ, ҟьарԥҳәа еинҟьауа, акәашацәеи ашәаҳәацәеи ирыцхраауан. Иахьӡын иара Аинҟьага ҳәа".

👥 Аҟьаԥ-ҟьаԥ ажәа асинонимқәа амоуп: аҟар-ҟар, ма аҷар аҽқәа рыбжьараангьы ахархәара арҭоит.

📖 Аҟьаԥ-ҟьаԥ ҳәа иашьҭоуп иара убас акәата хәаԥшшәыла жәлакы "серая утка", аӡы иахьҭоу ашьҭыбжь иахылҵуа ала

🧡 Ахьыуардын шәақәтәа
Please open Telegram to view this post
VIEW IN TELEGRAM
👍16💯3
Ахьыуардын
Ашәа шә-аџьалк урыхнарԥоит. (аԥсуа жәаԥҟа) Ааԥын иагәылԥхаауа ансамбль "Гәында" рҟазара еснагь еиԥш агәалаҟара ду ҳнаҭеит, ишәыцеиҩаҳшоит🫶 🧡 Ахьыуардын шәақәтәа
This media is not supported in your browser
VIEW IN TELEGRAM
Аԥсны Жәлар рартист, амаестро Роза Чамагәуаԥҳа иацы инхшәаз ԥҳәызба қәыԥшны Аҟәатәи акультуратә-ҵаралашаратә ҵараиурҭа даналга, лҟазареи лгәақәкреи гәаҭаны аҵараиурҭаҿы рҵаҩыс даанрыжьуеит. Абраҟа ҽышәала аус луа дышнеиуаз абаҩхатәра злаз лҵаҩцәа ааидкыланы иаԥылҵоит ансамбль, аамҭа кьаҿк ала ауаа еицгәарҭаз! Иахьа Аԥсны анҭыҵгьы ирдыруа, хьӡи-ԥшеи змоу аҭыԥҳацәа рколлектив ахьӡ азҭаз дхаҵоуп — усҟан акультура аминистрс иҟаз аҟазараҭҵааҩ Алықьса Аргәын.

Роза Чамагәуаԥҳа лгәалашәарақәа, Анатоли Лагәлааи лареи реиҿцәажәара аҟынтә:

"Ҽнак зны Едуард Бебиа [ахореограф ду, абалетмеистер, Аԥсны жәлар рартист, Акультпросветучилишье аиҳабыс иҟаз] ус сеиҳәеит: "Роза, ари бызҿу аԥеиԥш бзиа змоу акоуп, афилармониа ашҟа ииагазар еиҳа еиӷьхоит", — ҳәа. Усҟантәи акультура аминистр Алықьса Хәыта-иԥа Аргәын афилармониа анапхгара ааԥхьара риҭан, ҳансамбль иазирӡырҩит, даара иргәаԥхеит, иара убас афилармониахь ииаргеит. Аҵараиурҭаҟны аҷкәынцәагьы алан, аха аминистр ус сеиҳәеит: "Аҭыԥҳацәа рхала иаанҳажьп, ансамбль "Гәында" ахьӡаҳҵап, Нарҭаа раҳәшьа ԥшӡа лыхьӡ шәыхьӡзааит!" Саргьы сақәшаҳаҭхеит, лыхьӡ ҳмырԥхашьааит сҳәеит".

Доуҳала, ламысла згәы ҭәу, зус агәра зго анҵыра иоуеит. Аибашьра ашьҭахь ансамбль ҿыц ишеидкылатәхазгьы, гәкажьра ҟамҵакәа ауадаҩрақәа зегьы дыриааит. Лбаҩхатәра амҵәыжәҩа иҵаку ансамбль "Гәында" 45 шықәса ахыҵуеит, гәыкала ирыдаҳныҳәалоит. Ҽаангьы, цахәгьы, цабжьгьы ԥшӡала инеилааит! Аԥшӡаразы дара ирбап, жәра рықәӡам.🌸

🧡 Ахьыуардын шәақәтәа
Please open Telegram to view this post
VIEW IN TELEGRAM
👍18
Ахьыуардын
Аҟьаԥ-ҟьаԥ (трещотка) – еиуеиԥшым ажәларқәа иныҟәырго ижәытәӡатәу арҳәага, аԥсуаа ҳҿы акәашареи ашәаҳәареи рыҿиара ицәырнагеит, аритм ахҵареи аинҟьара афункциеи нанагӡоит, даҽакала ус иагьашьҭоуп "аинҟьага" ҳәа. Амузыкаҭҵааҩы Инна Аҳашԥҳа иҳаҩсыз ашәышықәса…
🥢 Аԥсуа хәыҷқәа аџьықәреи ахәҵәы иалхынгьы аҟьаԥ-ҟьаԥқәа ҟарҵон хәмаргас. Аҟаҵара зынӡа имариан: аџьықәреи ахәҵәы аҟәартәрақәа ҩба ааныжьны, ахԥатәи инаҵакны ихырҵәон, аҟәартәра ахьамам аҵыхәала ҩыџьара-хыџьара идыршьон, нас ахы кны ианырҟьалак ҟьарԥ-ҟьарԥ ҳәа абжьы аргон.

🌰 Ажәытә аинҟьагақәас ахархәара рыман иара убас араса кылҵәеи акакан кылҵәеи: ҩ-каканк, ма ҩ-расацк арахәыц ркылданы еиқәуҳәалоит, нас иааиларшаны ирххо-ирдо дара-дара еинуҟьоит.

Убас, авибрациатә бжьы узҭо арҳәаганы ишнеиуаз хәыҷы хәмаргас иҟалеит аӷырӷы́н // авырвы́н // авырвы́р (волчок; юла из скорлупы грецкого ореха). Аӷырӷын аҟаҵаразы арасац хыџьара икылуҵәоит, арахәыц кылданы еиқәуҳәалоит. Иазырҳәо инапқәа наҟ-ааҟ абри арахәыц ибжьакны ицнапык ааргьежьуа, арахәыц еикәиршоит. Нас инапқәа ааиҵыхуа-иааиҵагало, арахәыц рххо-иркәадо арасац иргьежьуеит. Арасац убри аан "ӷырр-вырр" аҳәоит.

Ахыҵхырҭа: Инна Аҳашԥҳа "Ҭаҳәҳәарылеи еинҟьарылеи аԥсуаа иадырҳәо аинструментқәа"

NB: Абас ажьжьагақәа ыҟан ахәыҷқәа рзы, ахәарҭарагьы рылан. Иахьа ишеилкаау ала, ахәыҷы инапы, инацәкьарақәа аус дзыруа ахәмаргақәеи (на развитие мелкой моторики и сенсорики), аҿырпын еиԥш иҟоу аҭаҭәҳәагақәеи иеизҳаразы, ицқьаны ацәажәара иалагаразы даара изеиӷьуп.

🧡 Ахьыуардын шәақәтәа
Please open Telegram to view this post
VIEW IN TELEGRAM
Please open Telegram to view this post
VIEW IN TELEGRAM
👍144❤‍🔥3
🧠 Аҟәышра иазку аԥсуа жәаԥҟақәа

• Ахшыҩ ахьыҟоу апатугьы ыҟоуп.

• Аҟәыш дагьууандаз дагьуаӷандаз.

• Акрыздыруа ила уафааит (уеиқәирхоит).

• Ауаҩ ҟәыш узқәа дкыдзаргьы дхьанҭаӡам.

• Даназгәаҟуа аамҭазоуп аҟәыш аҟәышра зиҭаху.

• Ахшыҩда дууазар аҵкыс, ахшыҩ змоу дуаӷазар еиӷьуп.

• Ауаҩ ҟәыш агәыр аҵа дкылсуеит.

• Аҟәыш ацҳа иԥшаанӡа агаӡа дықәсуангьы ҟалахьеит.

• Аҟәыш ашә дшашьҭаз агаӡа диасит.

• Аӡәы атәым еибашьраҿы дуаҩдыруп ҳәа.

• Гаӡеи ҟәыши зеибадыруам.

• Ауаҩ ҟәыш дзықәшәо ихы анираалоит.

• Агаӡа аисра дшаламгьы далахоит, аҟәыш дшалоугьы далсуеит.

• Аиҳабы мхәыц ижәлар ҭаирхоит.

• Абзамыҟә зегьы идыруа џьишьоит.

• Ашышкамси ашьхеи русура дазхәыцыр абзамыҟәгьы ахшыҩ инарҵоит.

• Аӡәы идырра ԥасахоит, егьи идырра хьшәахоит.

#ажәаԥҟақәа

🧡 Ахьыуардын шәақәтәа
Please open Telegram to view this post
VIEW IN TELEGRAM
👍133💯3