Ахьыуардын
1.27K subscribers
1.38K photos
222 videos
1.66K links
Ахьыуардын — аԥсуа бызшәеи, аҭоурыхи, акультуреи ирызку апроект ҷыда. Напбзиа-шьапбзиа ахьыуардын дақәтәоуп. Шәҳацла: ахьы хәыҷуп, аха шәкы ицоит, аӡә дышәҩыкны дҳаԥхьаӡоит.
Download Telegram
Ажәҩан анхту, амза убартә ианкыду ашарԥазқәа раан "ашацкыра" даҽа ҳәашьакгьы амоуп: амзацәкы́ра. Амза ацәаара укыртә ианыҟало аамҭа, ашара аҵалацыԥхьаӡа ақьаад еиԥш ицәышхо ианалаго; мамзаргьы аарла ашәашь анаавҵало — ацәылашамҭа.

Амза иадҳәалоу ажәақәеи азгәаҭарақәеи рырацәара џьашьатәым, ауаа наџьнатә аахыс изхәаԥшуа лашарбагоуп, уи ацлара-агхара иазҿлымҳан, адгьыл ақәаарыхраҿы хшыҩ азыршьҭуан: амзаҿа ангыло алаҵаразы ибзиоуп, амзаҭәымҭа – аиҭаҳаразы.

Амза аҽеиҭакра афазақәа зегьы ажәак-ажәак рызкуп:

🌒 Амзаимҭа – рождение луны;
🌓 Амзаҿамҭа – молодость луны;
🌔 Амзазҳамҭа – созревание луны;
🌕 Амзаҭәымҭа, амзашанхамҭа – полнолуние;
🌖 Амзеиҭасымҭа – убывание луны;
🌗 Амзажәымҭа – старение луны;
🌘 Амзаҭахамҭа – гибель луны;
🌑 Ажәымбара-ҿамбарабезлуние;
🌚 Амзаӡымҭа – перед новолунием.

🌙 Ианаацәырҵуа амзаҿа акәзар, ианҭахаша – амзакьа́гәа (куцая луна; полумесяц), уажәы ус иагьыҟоуп.

#ажәахырҿиаара

🧡 Ахьыуардын шәақәтәа
Please open Telegram to view this post
VIEW IN TELEGRAM
👍27❤‍🔥3
Нарҭ Цәыцә иицәыцәуази?

Нарҭ Цәыцә иахьа аахәлаанӡа аҽҳәаҿы иҟыцә-ҟыцәуаз иҳәа-иуы уамшьуа, уахынла дфырхаҵаха даақәгылон. Бжеиқәа-Бжашла ҳәа иҽыццышә дақәтәаны уама ирҿион, Сасрыҟәагьы иаԥигалон, ажәала Ҩаӡамакьаҭ еилазыршыз иараӡәк иоуп. Абас иҟаз ахаҵа ҽынла баша аҵәаҟьа каиԥсаларызма (уи ҽырҩашьагас ишимазгьы)? Ихәарҭаз уск даҿызҭгьы, ҳара ҳакәзар – ацәымзақәа иҳарҟаҵон. 🙂

Ацәымза, амзарҷа – лучина, ахьӡ ишаҳәо ала, амзаҵла амҿы рҩаны иалырхуан, ицәуа, ма ирҷауа (разделять на щепы). Ас еиԥш аҵәыџь мца ирласны ибылуан, аха уахынла алашара узырбоз акакәын, абназацәа рзеиԥш аҩназацәа рзгьы имаҭәахәын. Ааигәанӡа иааит. Аурысқәа амза инаваргыланы аҵааҵлагьы (береза) рхы иадырхәон, реиҳа ирацәаны ирызгылоу аҵла. Аԥсуаа – амзеи аԥсеи.

Амза (сосна), амза (луна) аԥсшәаҿы ажәакала иахьаарԥшу иҟалоит имашәырзар, иҟалоит имашәырымзар – уахынла изырлашо аҵакала уахәаԥшуазар.

Абызшәадырҩы Борис Џьонуа иҩуан, ари ажәа индоевропатә шьаҭа амазар ауеит ҳәа: ажәытә-индиатә маса, аерман амис, абырзен меис, ажәытә-славиан бызшәа месеци. Ииашаҵәҟьаны, еигәыцхәым Кавказ жәларқәа рбызшәа иалоуп – азахәцәа, ауаԥсаа, ақырҭқәа...

Аха ҳгьежьып Цәыцә иахь. Иара дуахынлатәи фырхаҵан аҟынтә лашарбагак имамкәан изыҟаломызт. Хьыӡрацарак изхашаз ацәымзақәа ҽынла дтәаны ирмазеиларын. Шәгәы ишԥаанаго? 🔥

🧡 Ахьыуардын шәақәтәа
Please open Telegram to view this post
VIEW IN TELEGRAM
👍15🔥4
Ари аинтерес аҵоуп — араԥ, аџьам хылҵшьҭра змоу ахьӡқәа аԥсышәала ишцәажәо:

Аазиз — пату зқәу, мчы змоу
Ааишьа — зыԥсы ҭоу
Абас — иџьбароу
Аҳмаҭ — аҽхәаԥхьыӡ иаԥсоу
Қьамал — зеиӷьыҟам, акгьы згым
Рашьыҭ — амҩа иаша иану
Саид // Саида — насыԥ змоу, ахы азҭо
Уасман — абаҩԥҵәа еиԥызшьуа
Ҳамида — хьӡи-ԥшеи зцу
Шьарифа — аҳалал
Џьамал // Џьамила — аԥшӡа
Џьума — ахәашаҽны ииз

#ахьӡқәа

🧡 Ахьыуардын шәақәтәа
Please open Telegram to view this post
VIEW IN TELEGRAM
👍222
Иналукааша аҵарауаҩ-абиолог Виктор Маланӡиа иахьа дҳалагылазҭгьы 65 шықәса ихыҵуан.

Виктор Маланӡиа ихьӡ Аԥсны анҭыҵгьы, Урыстәыла, Европа ирдыруеит, иара дышҵарауаҩ духоз заа иубаратәы иҟалахьан. Дқәыԥшын Аԥсны орнитофауна аилазаашьа иазкны икандидаттә диссертациа анихьчоз (1991). Итема азҿлымҳара дуӡӡа цәырнагеит усҟан, адунеи иакәшахьаз академикцәа гәыԥҩык ааит изыӡырҩырц, иазыҟаҵашьа џьаршьеит, иеигәырӷьеит, аусумҭа ахә ҳаракны иршьеит. Аԥсабараҭҵааҩцәа аӡәы ҳәа дшаарылагылаз имҩашьахкәа агәра ргеит. Абарҭқәа ҳзеиҭеиҳәон иара иҩыза, аҵарауаҩ Едуард Гәыбаз.

Виктор Илиа-иԥа аҭҵаарадырреи аҵара-ааӡара ауси еилаигӡон, 30 шықәса инареиҳаны Аԥсуа университет амаҵ азиуит. Аибашьраан, нас уи ашьҭахь аҵара апроцесс аиҿкаара иаҵагылаз дыруаӡәкын, 2002 шықәса инаркны проректорс дыҟан, иааԥсара дууп. Хазы иҳәатәуп астудентцәагьы бзиа дшырбоз, илекциақәа убас аинтерес аҵаны имҩаԥигон, зны-зынла егьырҭ акурсқәа рҟынтәгьы аҿар неины ак ҳаҩымшәандаз ҳәа иӡырҩуан. Аԥышәарақәа анарҭозгьы ибзианы ишазыҟаҵаз убарҭан. Адырра адагьы аамысҭашәара зҿырҵаауаз еиҳабыс ихәаԥшуан, ҳәарада.

Виктор Маланӡиа зыуаҩра заԥхьа игылаз, ҭеиҭԥшлагьы гәаҭалагьы иԥшӡаз хаҵан. Уамашәа аԥсабаара дахӡыӡаауан, ихәны иибоз аҵарақәа, аԥсаатә дуқәа егьараан аҳақьымцәа рҿы иганы ихәышәтәхьан. Зус азы згәы былуаз, зус ҳаҭыр ззақәыз иакәын.

Аҵыхәтәантәи ашықәсқәа рзы Аԥсны Ашәҟәы ҟаԥшь аџьабаа адибалон, аҵиаақәа рыхәҭа еиқәдыршәахьан иколлегацәа, аԥсаатәқәа иара инапы ианын. Ачымазара ицәа ишалаз шидыруазгьы, ак агмыжьқәа анагӡара иҭахын, дперфекционистын. Ахыркәшарахь днеиуан еиԥш аԥсцәаҳа дигагәышьеит. Аԥсныра даԥхеит, иабиԥара даԥхеит 2022 шықәса жьҭаарамзазы. Ашәҟәы аҭыжьразы егьагым, иахьынӡаҳдыруа, иара дахьымӡеит, умҳәозар. Иԥсаҭа лашазааит, инижьыз ихаареи, имшреи, идырреи ари адунеи аҿы мҵәыжәҩара руеит.

🧡 Ахьыуардын шәақәтәа
Please open Telegram to view this post
VIEW IN TELEGRAM
12👍6
Ахьыуардын
Иналукааша аҵарауаҩ-абиолог Виктор Маланӡиа иахьа дҳалагылазҭгьы 65 шықәса ихыҵуан. Виктор Маланӡиа ихьӡ Аԥсны анҭыҵгьы, Урыстәыла, Европа ирдыруеит, иара дышҵарауаҩ духоз заа иубаратәы иҟалахьан. Дқәыԥшын Аԥсны орнитофауна аилазаашьа иазкны икандидаттә диссертациа…
Ашәҟәыҩҩы Надежда Венедиктова лажәабжь "Маргинал" аҟынтә:

"Ҽнак зны Риҵаҟа ҳаиццон аеколог Роман Дбари орнитолог Виктор Маланӡиеи сареи. Аҷырҷырҳәа ажәабжьқәа еибыҳәо амҩа ҳшаныз, аиҩхаа ҳанынҭала ацәажәара ааиԥхьбеит. Иҟалаз уи ауп, аԥсабара аҳра ҳанагәылала, сара ашьҭахь сшақәтәаз рхашҭит, рыкәша-мыкәша анаԥшааԥшра иалагеит.

Сыԥсы ӡаны ҩыџьа анатуралистцәеи аԥсабареи реизыҟазаашьа сахәаԥшуан, урҭ ираҩшәоз ҳәа акы ыҟамызт: аӡиас ихԥраалаз ҵысӷроума, абнараҿ иҿықә-ҿықәыз рдәыноума, имҵысӡо ажәҩан ихиаалаз уарбоума. Ахаҳә ахәтәышьа, ацаҟьа ацәаакышьа, агеологиатә ԥҟарсҭақәа — зегь акака ранаҳәон. Агуманитари идунеихәаԥшышьа змаз сара, уажәраанӡа сыла аш хны иҟазшәа, убасҟан иаахыҵызшәа сҟалеит.

Агәра згеит сара аԥсабара сшазнеиуаз хархәаҩк иаҳасабала шакәыз, уи аԥшӡара саргәаҭеиуан, асахьаркыратә цәалашәара снаҭон аҟароуп. Арҭ ртәы хазын, иҷыдоу гәыцқьарак рыдызбалеит. Аԥсабара злеибарку ҵиаас, ԥсаатәс, ԥстәыс иааҟоу зегьы хьыӡҳәала ирдыруан, реимадашьа ҭырҵаауан, ак еимаркуан-еиҿаркуан, ҭәыцк иадымхаргьы зегьы рзыҳәа ргәы былуан. Дара рзанааҭ иатәыз ажәақәа рыла иахьынӡеицәажәоз адунеи даҽа шәага-загақәак шамаз сныруан".

🧡 Ахьыуардын шәақәтәа
Please open Telegram to view this post
VIEW IN TELEGRAM
👍158
Шәкы-зқьы километрала адунеи азбжак иакәшаны атәылаԥхаррақәа рахь ицо, нас ҩаԥхьа зыҭрақәа ирзыхынҳәуа аԥсаа рымҩа иацәхымҟьартә еиԥш ԥсабарала аҟәышра рылоуп. Аха ус шакәугьы, зны-зынла, уарла-шәарла иҟьалоит, иаҳҳәап, икараха ишыҟоу аурҭ ӷәӷәа ҵысыр, ирԥырхагоуп.

Убас акы иақәшәазар акәхарын 1886 шықәсазы Аԥсны иқәнагалаз афламинго. Аԥсаатә ссир ҳагаҿы игәеиҭеит аҵарауаҩ Александр Норман. Иахьа акәызҭгьы аӡәы иҭел иҭнамхуази, аџьашьахә! 🦩

Аԥсаатә рҽеидкыланы рымҩасра знык иадымхаргьы избахьоу хашҭшьа имам, бла иамбо арахәыц иаҵдоушәа еиврыԥхаа жәҩангәы иазцоит, урзыԥшла. Аԥсны рахыԥраараҿы ихадароу рымҩақәа иреиуоуп аԥша зҭышәшәо Кәыдры аиҩхаа. Шьоукы аанҿасрада иниаҟьа ицоит, даҽа шьоукых мышқәак рыԥсы ааиҭаркырц итәоит, ӡык ржәуеит, акы инацҳауеит.

#аԥсаатәқәа

🧡 Ахьыуардын шәақәтәа
Please open Telegram to view this post
VIEW IN TELEGRAM
13👍6😭1
Ҳаамҭазы аҿар, ахәыҷқәа ирылаҵәаны иҟоу ахәмаррақәа иреиуоуп "Пол – это лава" захьӡу: адгьыл уқәкьымсӡакәа еиуеиԥшым аԥынгылақәа урхысроуп. Абри угәалазыршәо, алахҿыхра зцу "аԥышәара" аԥсуаагьы ирыман. Зыӡбахә ҳҳәо архаикатә цәа зыҟәну ауапакәашароуп. Ауапа иқәкәашоз еиҳарак аҿар ракәын, уи иҷыдоу аҟыбаҩ аҭахын.

Зны аԥҳәызба лхаҵкы камыршәуа, ашьац дыламыргылаӡакәа, ауапа шьҭаршәны ддыркәашоит, нас арԥыс даалеихырхәаны, длываҽырбо даақәлоит. Аҩыџьагьы ауапаҿы еицыкәашоит, иқәҵыр, ма ирыҵаҽылар ҟалаӡом. Ауаа рыкәшаны игылоуп, анапеинҟьабжьқәеи аркәашагеи еиҳа-еиҳа иццакхоит. "Шәас, уара, ауапа рыҵаркит!" – рҳәоит ашәаҳәацәа. "Ауапа зшьапы ықәҵыз дбылуеит!" – ргәы рҽанырҵоит егьырҭ.

Арԥыси аҭыԥҳаи реицыкәашара рыласшьеи, рҟазареи адагьы рыламыс, рыпатуеиқәҵашьа ахьынӡаҳараку унарбон. Еицлабрамызт, абаҩхатәра аигәарӷьара иазкын.

Еиҳа инарҭбааны дахцәажәоит афольклорист Есма Ҭодуаԥҳа абри лматериал аҟны>>

🧡 Ахьыуардын шәақәтәа
Please open Telegram to view this post
VIEW IN TELEGRAM
👍166
Ахьыуардын
Ҳаамҭазы аҿар, ахәыҷқәа ирылаҵәаны иҟоу ахәмаррақәа иреиуоуп "Пол – это лава" захьӡу: адгьыл уқәкьымсӡакәа еиуеиԥшым аԥынгылақәа урхысроуп. Абри угәалазыршәо, алахҿыхра зцу "аԥышәара" аԥсуаагьы ирыман. Зыӡбахә ҳҳәо архаикатә цәа зыҟәну ауапакәашароуп. Ауапа…
Ауапа злырхуа аласа иҟалоит ишкәакәазар, еиқәаҵәазар, ма ихәышлаԥсазар. Аха, иаҳҳәап, аласа шкәакәоуп иумоу, арахь ауапа еиқәаҵәа уҭахуп, усҟан ауапцәа ушәыроуп. Изларшәуаз иреиуан шәақьԥынҵала аҳацаҟьа иаҿырхуаз аԥсабаратә минерал ақардуаг (сурик). Аласа рапаны ианаалгалак (уи иацырҳәоз ашәагьы ыҟан), "ахырҭәага" иҭыганы, ақардуаг рҭәаны иӡааршьуан. Абри апроцесс даара исахьаркны иааирԥшуеит Мушьни Миқаиа ироман "Ашацәа ртәарҭа" аҟны:

"Ақардуаг ашьха ҵәцашқәа рыкьышәкьышәрақәа рҿы иамиаауеит. Убри ацаҟьа иамиаауа ахаҳә еиқәаҵәа
ахьыкнаҳау, егьа дшәарыцаҩ еибагазаргьы, ҽышьаԥхыц ахьакуа, ахалара илшозаргьы, ақардуаг ахьыкнаҳау ацаҟьа аԥынҵаҿы дызнеиӡом. Убри аҟынтә, аԥышәа ду змоу ашәарыцацәа цаны, ахра ахыцәқәа иамыҳәҳәо ахаҳә еиқәаҵәа, ахызаҵә зҭоу, аԥсыуа шәақьла еихсны, иҿырҷҷаны иларышьҭуеит!

Аласа шкәакәа иалхны ауапа хәылда еиқәаҵәа зӡахырц зҭаху ауапа шыдрапара-ианыдрапалак, ақардуаг хьыршаӡ аҵырхуеит. Убри ашьҭахь асы аҟара ишкәакәоу аласалых уапа, аџь ацәа самсал аҟара еиқәаҵәахоит. Раԥхьа илнакааз аиқәаҵәарагьы, аб иаб иԥара иақәлахоит, аԥштәы еицакӡом".


Ақардуаг ҳәа хьӡыс измоу, зықәцәа арбаӷь ика иеиԥшу ахрагьы ыҟоуп Абжьыуа, аӡбахә уԥылоит Алықьса Гогәуеи Џьума Аҳәбеи рҩымҭақәа рҿы. Аҳәба дқәыԥшны ажәабжь хәыҷыкгьы азикхьан "Ауаҩызаҵә имҩа" ҳәа. Ақардуаг ахра иалдоу амҩахәасҭа убасҟак ипоуп, уҩшьапык узеиваргылаӡом, инеихда-ааихдо уцалароуп. Анкьаӡа зны шәарыцаҩык ақәасаб иҟәаҟәа икыдҵаны абри ахра дықәсхьазаарын, аха иара иаамышьҭахь аӡәгьы изымгәаӷьит аҿалара, уи аҟынтә "Ауаҩызаҵә имҩа" ҳәа ахьыӡхеит.

📖 Ауапахәы́лда - бурка с длинным ворсом

🧡 Ахьыуардын шәақәтәа
Please open Telegram to view this post
VIEW IN TELEGRAM
👍194
Ахьыуардын
Ацәажәара иазку аԥсуа ҳәамҭақәа🎩 Рыхәҭак аааҳгоит Игор Ҵнариа еидикылаз ажәаԥҟақәа ирылхны, егьырҭ Ҭырқәтәылатәи аԥсуаа ирҳәамҭаны Владимир Аҩӡба ианиҵаз рҟынтә. ▫️Ацәажәара иацуп аӡырҩра. ▫️Умцәажәар уҿаҳау џьыршьоит, амцхә уцәажәар ргәы ԥуҵәоит. ▫️Ухызхыз…
"Ажәа – амалқәа зегьы ирмалуп" иҳәеит Жәлар рпоет Баграт Шьынқәба цәаҳәацыԥхьаӡа ажәаԥҟас ауаа ирылаҵәаз ԥсра зқәым иажәеинраалаҿы. Ажәа аҳәара иазку ажәлар иаԥырҵаз аҳәамҭа гәылшәақәагьы даара ирацәоуп, ҳажәа иалоуп, рыхәҭак ааҳгахьан хыхь>>

Уажәы шәаԥхьарц ишәыдаагалоит Ҭырқәтәылатәи аԥсуаа рҿы ианҵоу ажәаԥҟақәа ирылҳаԥшааз (апрофессор Олег Шамба иеизга аҟынтә).

• Ажәагьы ашәага амоуп.

• Ажәа ауаҩы дааӡоит, дагьашьуеит.

• Абз зҿоу аҳәа ццышә иҭахым.

• Ажәа ажәа ариуеит.

• Ажәа иаша амш бзиа иеиԥшуп.

• Ажәа хәахәа аус арбгоит.

• Абз иаанаго еиҳауп амч иаанаго аҵкыс.

• Агәы иҭоу ауп абз иаҳәо.

• Агәы цаԥхас иамоу абз ауп.

• Ахага иажәа ибз иқәуп, аҟәыш иажәа игәы иҭоуп.

• Бзы хаала цаԥхада абаа агәашә аауртуеит.

• Зҵыхәа зыршәшәо ибз уацәшәа.

• Зымч маҷу ибз дууп.

• Ажәа хаа ацха аиҳагьы ихаауп.

• Абз хаа зҿоу ацуҭа итәуп.

• Абџьар аӡә дашьуеит, ажәа – шәҩык.

• Амц шә-бызшәак амоуп, аиаша – акы.

• Аҽы иаҳәаша акәадыр иаҳәоит.

• Ахы иазымдыруа абз егьзаҳәом.

• Абз баҩ алам, иаурҳәалак аҳәоит.

• Ушәозар иумҳәан, иануҳәа умшәан!

#ажәаԥҟақәа

🧡 Ахьыуардын шәақәтәа
Please open Telegram to view this post
VIEW IN TELEGRAM
👍209
"Ее, дад, аԥсҭазаара мыжда… Ауаҩы иԥсы анҭоу адыӷаџьа инаркуеит, данԥслак игәы ашәҭ ықәнаҵоит".

Алықьса Гогәуа ироман "Аҽыкәаҳа" аҟынтә, Кадыр иажәақәа

Ады́ӷаџьападуб колхидский, Аԥсны изызҳауа реликт ҵиаауп, ендемикуп, аџьра, ахьацара, аԥсара, ашәра иаҵиаауеит. Ашәшьыраҿы аҿиара азымариоуп, метрак инаркны 6-7 метра рҟынӡа иҩаӡоит. Абӷьы иаҵәа ҭырффақәа "цҳауеит", мӷыцла ихыркәшоуп, акофеин рылоуп, ашәыр кәымпыл ҟаԥшьқәа аҿалоит (ауаҩы изы ишҳамуп).

Аиԥш зеиԥшу аҵиаақәа маҷуп, аха ахкқәа уԥылоит Европа, Азиа, Америка. Ашықәс ҿыц аныҳәа анааигәахәо аҩычараҿы рхы иадырхәоит.

🤓🪄 Гарри Поттер инашана лаба адыӷаџьа амахә иалхын.

📽🎞 Калифорниа иҟоу еицырдыруа Голливуд аҭыԥхьыӡ аԥсышәала иаанагоит "Адыӷаџьара".

🔎Адыӷаџьара – Аԥсны иуԥыло микротопонимуп, Гәылрыԥшь араион, Амтҟьал ахахьы, иара убас Гәыԥ ақыҭан (В. Кәарҷиа. Аԥсны атопонимика)

🧡 Ахьыуардын шәақәтәа
Please open Telegram to view this post
VIEW IN TELEGRAM
👍138
Ахьыуардын
Абнаӡахәақәагьы хкы-хкыла иҟоуп, Аԥсны изызҳауа рҟынтә ҩба рыхьӡ ҳаԥшааит. Абтәыҩа (обвойник греческий, букв.: "козий рог"), ҳәа иҟоу ибзианы иҵәиуеит, асакасақәа аларшышуан ажәытәан. Алмышә ӡахәа акәзар, уигьы унапаҿы иааиуеит, ашаха ацымхәрас рхы иадырхәон…
Абтәыҩа ҳәа изышьҭоу абнаӡахәа закәыз еилаҳкааит – обвойник греческий (Periploca graeca), Џьонуа-Касланӡиа ржәар иануп. Аԥсышәала иҵегь ахьӡқәа амоуп: аӡа́рҵәи* (скрученная лиана), абарба́цхәшәы (средство от аллергии).

Ари аҵиаагьы Кавказ азы иреликтуп, Ҟәыбина аӡиас аԥшаҳәа инаркны Баҭымынӡа иазҳауеит. Чечентәыла, Ставропольтәи атәылаҿацә рышәҟәы ҟаԥшьқәа ирнуп. Аԥсабараҿы зхала игылаз, иагәаԥханы ианазҳа ирақьҭа-шәақьҭо акрамҽханакуеит, аҵлақәа ирхаԥоит, ахацхә уалахахар ауеит, иԥҵәаӡом. Ацҳа бжьанда ("живой" висячий мост) алҵыртә иӷәӷәоуп, изеиҷаҳатәу акоуп.

*Аӡарҵәи аҵакы хада – иаӡоу ахларҵә, ма абыца аҷын иалырхуаз аҿаҳәага

🧡 Ахьыуардын шәақәтәа
Please open Telegram to view this post
VIEW IN TELEGRAM
Please open Telegram to view this post
VIEW IN TELEGRAM
👍16
Аӡы акәӡамызт, ацәаҟәа ашьа ажәуан,
Ирзымычҳазт, иԥсит ацәашьқәа.
Илаӷырӡышуеит Лаҭатәи ажәҩан,
Рыҵәаабжь аныҩуеит ахәыҷқәа.
Уа Ерцахә ӡыш иамбаӡац ҳәа иҟоузеи?
Иамбацызт ауаҩы дырбылуа!
Аӷа хәымга хҿыхшьас ҳәа имоузеи,
Анацәеи рыхшареи збылуа?!


Баграт Шьынқәба

Егьа аамҭа царгьы хҿыхшьак, хырқьиашьак змам, уаҩԥсхылҵ зегьы зқәыӡбаша, идырны иҟаҵаз гәнаҳара дуны иаанхоит Лаҭатәи атрагедиа. Ԥхынҷкәын 14, 1992 шықәса. Еҳ, изакәытә гәырҩақәоузеи излаԥшхьоу ҳажәлар, гәыла ирымгар, амшын ҭанарбо... Ргәалашәара ԥшьазааит ԥсаатәҵас ажәҩан иазцаз аԥсыцқьақәа!

🧡 Ахьыуардын шәақәтәа
Please open Telegram to view this post
VIEW IN TELEGRAM
😢12💔4
Ахьыуардын
Аӡы акәӡамызт, ацәаҟәа ашьа ажәуан, Ирзымычҳазт, иԥсит ацәашьқәа. Илаӷырӡышуеит Лаҭатәи ажәҩан, Рыҵәаабжь аныҩуеит ахәыҷқәа. Уа Ерцахә ӡыш иамбаӡац ҳәа иҟоузеи? Иамбацызт ауаҩы дырбылуа! Аӷа хәымга хҿыхшьас ҳәа имоузеи, Анацәеи рыхшареи збылуа?! Баграт Шьынқәба…
Лаҭа иҭархаз авертолиот МИ-8 аԥсҟы зкыз Сергеи Илиухин 24 шықәса ракәын ихыҵуаз, аха аԥышәа змаз ԥырҩын, алеитенант еиҳабыс дыҟан, аџьшьарақәа иоухьан. Аԥсныҟа дааит жьҭаарамзазы, агуманитартә реисқәа иманы Тҟәарчали Гәдоуҭеи дрыбжьан.

Хьыӡҳәала даҳгәалаҳаршәоит, избанзар сынтәа 55 шықәса дырҭагылазаауан дыҟазҭгьы.

Ԥхынҷкәын 14, шьыбжьышьҭахь, иаазышьҭыхуаз зегь ақәыртәаны Тҟәарчал иҵԥрааз авертолиот, фба рыбжазы Лаҭа иахысуан еиԥш ақырҭқәа иоурыжьыз аракета аахеит. Сергеи иҩызцәеи иареи хаԥсыра баны артәара рылшеит, аха аҩнуҵҟа абылра иалагахьан. Амца зкыз аԥрыга адгьыл ианықәгылагьы уаҩ иԥсы игартә изыҟамлеит, иҭыҵыргьы аӷа ихымца рзыԥшын. Иагьабаҵәахыз агыгшәыгқәа абысҟатәи рцәымӷра?

Амца иалаблит 87-ҩык ауааԥсыра, 84-ҩык апассаџьырцәеи хҩык аекипаж алахәцәеи. Ахәыҷқәа, аҳәса, абыргцәа, мышлашарак абараҵәҟьа змаӡаз мгәарҭа иҟаз асабицәа, аибашьцәа, лахьынҵацәгьак еицеиҩыршеит... Рыԥсқәа ҭынчзааит!

🧡 Ахьыуардын шәақәтәа
Please open Telegram to view this post
VIEW IN TELEGRAM
🙏15😢5💔4👍31
Абри аҽны 105 шықәса раԥхьа Гагра диит Асовет Еидгыла Афырхаҵа, аԥсуа патриот Ражден Миха-иԥа Барцыц (1918 - 2002).

Ражден дшыхәыҷызнатә амшын игәы-иԥсы алан, дымшынуаҩхар иҭахын. Баҭым аӡхәыҵалацәа рышкол далганы данаа Гагра аиқәырхаҩс аус иуан. 1939 шықәсазы Арра-мшынтә флот ахь иԥхьеит, аибашьра аханатә далахәын.

Аԥхьа деибашьуан Нхыҵ Кавказ, Моздок ахәрагьы иоуит, анаҩс диаргеит аахыҵҟа, Азовтәи амшынтә флотилиа дахәҭакын, арратә катер – атендер ныҟәицон. Анапа, Севастополь, Кьерч, "Адгьыл маҷ" аруааи абџьари ӡхигон. Абри аҩыза аоперациақәа руак аан џьаԥҳаныла иҭәыз Барцыц итендер Кьерч ишыӡхыҵуаз аӷа игәеиҭан ахыԥсаҟьагала амцақьоуқьад ажәиҵеит. Аха иҩыза амотористи иареи ргәы меиҭаԥакәа, ихьамҵӡакәа рус нарыгӡеит, адесант бџьарла еибырҭеит, ианықәҵуаз ахәцәагьы шьҭырхит. 1944 шықәсазы Ражден Барцыц иааирԥшыз агәымшәара ду азы Асовет Еидгыла Афырхаҵа ҳәа ахьӡ ҳаракӡа ихҵан, убас хыԥхьаӡара рацәала амедалқәеи аорденқәеи ианашьоуп.

Аибашьра ашьҭахь даҽа ҩышықәса арратә флот амаҵ азиуан, амшын аҿы иаанханы иҟаз аминақәа ԥижәон. Адемобилизациа ашьҭахь иҩныҟа дааит, изанааҭ дазыхынҳәит, акыршықәса аиқәырхаратә станциа деиҳабын, Гагратәи акемпинг напхгара аиҭон.

Аԥсны жәлар рџьынџьтәылатә еибашьраан Ражден Барцыц иԥазаҵәгьы аӷа гәышԥыла диҿагылеит.

🧡 Ахьыуардын шәақәтәа
Please open Telegram to view this post
VIEW IN TELEGRAM
👍11🔥2
Аԥсҭазаара узышьцылаз угәы уҽанӡамкәа хагәха ианцо иузыхьчаз, иузеиқәырхаз зегьы маакырас иуоуеит, агәыӷра ду унаҭоит. Убас агәышьҭыхратә мчы аман тҟәарчалаа аԥышәара хьанҭа ианҭагыла аҭыҵра иаҟәымҵыз агазеҭ "Ткварчельский горняк".

Иара ахаҭагьы Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду иалиааит, 1992 шықәса цәыббрамзазы 50 шықәса ахыҵра азгәарҭараны иҟан, аха нанҳәа 14 рзы ихабгалеит урҭ агәҭакқәа.

Амацәаз иҭакыз ауааԥсыра ирхыргаз уагәылазырԥшуа мшынҵак иаҩызоуп усҟан иҭыҵуаз аномерқәа. Атипографиа акәша-мыкәша аснариадқәа шкаҳауазгьы, ақалақь аҿы афымцалашара шеиԥҟьалозгьы, шықәсыбжак инарзынаԥшуа агазеҭ аусзуҩцәа — аҳәса гәымшәақәа русура еиԥдмырҟьеит.

Иахьа урҭ аномерқәа еидкыланы хаз шәҟәны иҭыжьуп, аиқәыршәаҩцәа — зџьабаа аду ажурналист Мадона Кәыҵниаԥҳаи аҭоурыхҭҵааҩ Аслан Аҩӡбеи. Атираж 500 цыра.

Ҵаҟатәи афото: Аԥсныпресс

🧡 Ахьыуардын шәақәтәа
Please open Telegram to view this post
VIEW IN TELEGRAM
Please open Telegram to view this post
VIEW IN TELEGRAM
👍125
☑️ Аԥсуа бираҟи аиааиреи еинаалоит! Абоксиор Енвер Бзагәа апрофессионалтә ринг аҟны ахԥатәи аиааира игеит, ақәгылара мҩаԥысуан иаха Анкара. Иԥсадгьыл абираҟ ҳаракӡа ишьҭыхны иршәыршәыруа, даҵаҽырбо дшықәлаз ҳгәы ҟанаҵеит. Идырҩатәгьы, идырхатәгьы еиӷьхалааит!

Арԥыс иҭоурыхтә ԥсадгьыл ахь ихынҳәра шыҟалаз шәаԥхьар шәылшоит абра>>

🧡 Ахьыуардын шәақәтәа
Please open Telegram to view this post
VIEW IN TELEGRAM
👍236❤‍🔥5
1973 шықәса, ԥхынҷкәын 17 рзы диит Аԥсны Афырхаҵа Андреи Иунчес. Иԥсы ҭазҭгьы иахьа 50 шықәса ихыҵуан.

Аӡын аҵаа иԥахны иҿанаҳәо сибратәи ақалақь Томск ииз, ҩажәа шықәса ирҭагылаз аҷкәын хатәгәаԥхарала аԥсуа жәлар дрыцхраарц дааит ахеиқәырхара ианаҿыз аамҭазы.

Андреи Гәымсҭатәи афронт аҿы деибашьуан. Марттәи ажәылараан гәдоуҭаа аҷкәынцәа дрыцны Аԥсны аҳҭнықалақь ахақәиҭразы дҭыҵит. Агәыԥ "Аҩны иаҵәа" ҳәа изышьҭоу аҟынӡа инаӡеит, аха дук мырҵыкәа аҭагылазаашьа еиҭасгәышьеит. Зынӡа ицәгьарахо ианалага, Андреи ианиашьа ихаҵашьахан, аҩны ахыб дықәгыланы аӷа дмааскьарц хыԥсаҟьагала икылкааны дхысуан, акыргьы ааха риҭеит. Ақырҭқәа атанк ала ари аҩны иақәкны ахысра анҭарҵагьы иҭыԥ дахымҵит, гәымшәарыла аԥсра даԥылеит.

Андреи Иунчес анышә дамадоуп Аҟәа, Ахьӡ-Аԥша абаҳчаҿы. Дзааӡаз иани иаби иашоуп ҳәа рыԥхьаӡеит ихы зқәиҵаз адгьыл аҿы изқәаҭыԥ ҟаларц, аԥси аԥси еихәоит ҳәа иҩызцәа рывараҿ дынрыжьит. Ихьӡ кашәара ақәым!

🧡 Ахьыуардын шәақәтәа
Please open Telegram to view this post
VIEW IN TELEGRAM
😢12🙏6
Ашәҟәыҩҩы бзиа еснагь дфилософуп. Аҩымҭа заҟаразаалак уаԥхьаны уанаалгалак ухатә хәыцрақәа рышьҭа ԥо рҿынархазар – ихықәкы наигӡеит.

"Шаҟа еилкаамзеи ари адунеи... Анцәа иџьшьоуп ауаатәыҩса иаҳзымдыруа, ҳахшыҩ ахьзымнаӡо макьанагьы иахьыҟоу! Мамзар, аԥсҭазаара ҵакыс иаиурызеи? Хаарас иазынхозеи? Аԥсабара амаӡак анаҵух, нас иара ахаҭа алаԥшқәа идырааԥсаз ашәҭ еиԥш иныхбаларгьы алшоит. Мшәан, ҳарҭ зегьы ҳнапқәа ҩеиҵыхны аеҵәақәа ҳнырхьысуа, иаҳшьышьуа аҟынӡа ҳҩеир, аеҵә еҵәарас ирылоузеи?!"

Рушьбеи Смыр

🧡 Ахьыуардын шәақәтәа
Please open Telegram to view this post
VIEW IN TELEGRAM
👍175🙏2