Џьал, Хәаџьал, Тҟәарчал, Чхәарҭал еицырзеиԥшу ашьаҭа рымоуп – "џьал", иаанагогьы "хребет" ауп.
Абас иҩуеит Аԥсны атопонимика ҭызҵааз апрофессор Валери Кәарҷиа.
Ажәақәа ахәдаџьал, абӷаџьал ирылоугьы иара уи "џьал" ауп.
Тҟәарчал ахьӡ аԥхьа Ҟәарчџьал акәын иҳәоит аҵарауаҩ, аҟәарч (временная крепость, укрепление, дамба) + џьал, -џь ассимилиациа апроцесс иахҟьаны ибыжьшәеит, нас ишнеиуаз аԥхьа игылоу -т арҳаит.
Ааигәа иҟоуп Аҟәа́рча хәы захьӡу ашьхагьы. Абасала, Аҟәарчаԥан ақыҭа иахьаҵанакуа Аалӡга арымарахьтәи аԥшаҳәала Агәыбедианӡа инеиуа ашьхеибаркыра Ҟәарчџьал ахьӡхар ауан. Ара ажәытәан амҩа ыҟан, иарала уҿынаухар, Нарџьхьоу абааи Бедиатәи аныхабааи урызцоит.
Чхәарҭал – Џьыхәа-р-џьал "Джухский хребет" аҟынтә иаауеит.
Хәаџьал ашьха – хәы+ џьал "гора-хребет" аанагоит.
Please open Telegram to view this post
VIEW IN TELEGRAM
👍15
This media is not supported in your browser
VIEW IN TELEGRAM
"Зныкгьы иаҳмырбаӡакәа асы,
Умҩаслоит, асас еиԥш, лассы.
Суҳәоит, аӡын, сык лашьҭы,
Уаҩҵас шәарыцара сышьҭы!"
(Мушьни Лашәриа "Аӡын")
Ажьырныҳәагьы наҳхысит икаххаа. Иахьатәи амш аҳауаԥхарра +13°С ыҟан☀️
Аха ӡынҵыхә иаҳнарбаргьы ҟалап: уаҵәы инаркны ахьҭақәа ҟалоит рҳәоит аҳауагәаҭаҩцәа. Уахынла -1°С рҟынӡа, ҽынла џьара-џьара ақәабаа-сабаа леиуеит. Аҳаргьқәа цәырганы ишәымаз, иудыруеи🌂
🧡 Ахьыуардын шәақәтәа
Умҩаслоит, асас еиԥш, лассы.
Суҳәоит, аӡын, сык лашьҭы,
Уаҩҵас шәарыцара сышьҭы!"
(Мушьни Лашәриа "Аӡын")
Ажьырныҳәагьы наҳхысит икаххаа. Иахьатәи амш аҳауаԥхарра +13°С ыҟан
Аха ӡынҵыхә иаҳнарбаргьы ҟалап: уаҵәы инаркны ахьҭақәа ҟалоит рҳәоит аҳауагәаҭаҩцәа. Уахынла -1°С рҟынӡа, ҽынла џьара-џьара ақәабаа-сабаа леиуеит. Аҳаргьқәа цәырганы ишәымаз, иудыруеи🌂
Please open Telegram to view this post
VIEW IN TELEGRAM
👍16
Аџьамԥазра ахьӡ иалоу -џь "џьал" иадҳәалаӡам. Ҳгәанала, ари ақыҭа ахьӡ аџьамԥаз аҵиаа аҟынтә иаауеит, ашьамашәыга хкуп, Аџьамԥазра иаанаго – аџьамԥаз иахьазҳауа ҳәа ауп.
Ас ишьақәгылаз атопонимқәа даара ирацәоуп ҳбызшәаҿы: Аара, Ашыцра, Аџьра, Алра, Ахьацара, Ашымҳара, Амӷышра, Амзара, Аԥсара, Аҟармара, Аҷандара уҳәа.
Аџьамԥазра адгьыл рацәаны иаҵанакуеит, уаанӡа хаз қыҭан, иахьа Гәыԥ аҳаблақәа иреиуоуп. Аџьамԥазра диит Аԥсны Жәлар рышәҟәыҩҩы Алықьса Гогәуа. Игылоуп аныхабаақәа ҩба.
UPD: Алықьса Гогәуа иверсиа инақәыршәаны, Аџьамԥазра "аџь амԥан а́зара (ашәарыцара)" аанагоит.
Ажәлар ретимологиа ала, Аџьамԥазра ахьӡ "аџь амԥан аизара" аҟынтә иаауеит.
Please open Telegram to view this post
VIEW IN TELEGRAM
👍9🔥2
Аԥсны Жәлар рартист Уасил Царгәыш диижьҭеи иахьа 85 ҵуеит.
Уасил Царгәыш апрофессионалтә ҵара бзиаӡа зауз ҳартистцәа дреиуоуп. Гнесинаа рыхьӡ зху Москватәи амузыкатә-рҵаҩратә институт далгеит, "ажәлар рхор анапхгаҩы, адирижиор" изанааҭ ала.
50 шықәса инареиҳаны (1968-2020) Аԥсны аҳәынҭқарратә акәашареи ашәаҳәареи рансамбль асахьаркыратә напхгаҩыс, адирижиор хадас аус иуан; 1972 шықәсазы ансамбль адиректорс дҟарҵеит. Аамҭаказы Аԥсны Аҳәынҭқарратә филармониагьы дахагылан.
1976 шықәсазы Уасил Царгәыш иансамбль раԥхьаӡа акәны аҳәаанырцә агастрольқәа рыманы ицеит – Польшаҟа. Уа қәҿиарала ианықәгыла ашьҭахь даара акырџьара ааԥхьарақәа рырҭо иалагеит.
Адунеи аконтинентқәа ԥшьба рҿы 40 инареиҳаны атәылақәа ирҭааит: Германиа, Франциа, Ҭырқәтәыла, Шьамтәыла, Бырзентәыла, Ефиопиа, Танзаниа, Мозамбик, Аргентина, Мексика уҳәа. Асовет Еидгыла ақалақьқәа жәпакгьы ираҭәашьахеит аԥсуаа рҟазара алаԥшра: Ленинград, Москва, Шәача аҳәаанырцәтәи асасцәа дахьқәа анырзаауаз, аԥсуа коллектив хьӡырҳәага рҿаԥхьа иқәгылон.
Уасил Царгәыш афольклортә материал беиа асценахь ацәыргара ишиаҭәаз еиԥш ҭакԥхықәрала дазнеиуан, ашәақәеи акәашарақәеи ажәлар рҿы ишиз рышьаҭа еиқәырханы, аха апрофессионалтә знеишьала иӡырганы.
Азыҟаҵара бзиаӡа змоу ашәаҳәацәеи акәашацәеи рабиԥарақәа еиҵаиааӡеит, напхгара зиҭоз аколлектив "Аԥсны зҽаԥсазтәыз" ҳәа ахьӡ ахҵахеит.
Аԥсны жәлар рџьынџьтәалатә еибашьра анцоз, уи ашьҭахьгьы Уасил Царгәыш композиторк иаҳасабала апатриот цәаҩа зхоу, ахор инарыгӡаша ашәа ссирқәа аԥиҵеит.
Ианашьоуп Дырмит Гәлиа ихьӡ зху Аҳәынҭқарратә премиа (2001), "Ахьӡ-Аԥша" аорден II аҩаӡара (2008). Шәышықәсабжак инареиҳаны дыззааԥсоз Аԥсны зҽаԥсазтәыз аҳәынҭқарратә ашәаҳәареи акәашареи рансамбль Уасил Царгәыш ихьӡ ахҵоуп.
Афото: аҭаацәа рархив аҟынтә

👍10
Уасил Царгәыш даныхәыҷӡаз инаркны ашәаҳәареи акәашареи ргәыбылра икит, избанзар Аҷандара, дара ахьеилатәаз рҳабла, риашьара зегьы шәаҳәаҩцәан, кәашаҩцәан.
Иаб дҟаза дуун, дшәаҳәаҩын, дҽыбӷаҟазан, аҽырхәмаррақәа рҿы иҽы ыҩны ишцоз, амгәырха иҽхшьны, адгьыл дакьымсӡакәа, амгәацәа даҵысны, акәадыр деиҭакәтәон. Уи аҩыза ҟазҵоз усҟантәи аамҭазы Аԥсны ахы-аҵыхәа аӡәык-ҩыџьак ракәын иҟаз.
Абас иҩуеит апоет Анатоли Лагәлаа арҿиаҩ ду ишьҭра дахцәажәо. Иааигоит убасгьы иара иҟынтә иаҳахьаз иан илызку гәалашәара хаакгьы:
"Санхәыҷыз Гәдоуҭа ашкол сҭан, уа зҿы сыҟаз ҳауацәа амла садыркуамызт, акрысҿарҵон, аха сан зегьы акакәын мчыбжьыкахь ҩынтә схәы Аҷандарантәи даҵалан ианналымгоз ыҟаӡамызт. Ҽнак, схәы лыжәҩа иқәыргыланы, аԥхын ашоураха, асаба зынчылан иҟаз амҩа даныланы дышнеиуаз, машьына дук лыхьӡан, иаангылеит. Аха лара дақәымтәеит.
"Мап, нанраа, сшәыкәыхшоуп, сара сыҷкәын ихәы ахарҵәы дыргьлак азна саҵоуп, амашьына сақәтәар, иҟьашҟьашоит, сара ипашәӡа иназгар сҭахуп", - лҳәазаап. Ибзиагәышьоуп рҳәеит аҷкәынцәагьы азныказ иааџьаршьан, аха нас уи лакәк аҳасабала иахьнеилак еиҭарҳәозаарын!.."
Афото: аҭаацәара рархив аҟынтә

👍14🔥3❤1
This media is not supported in your browser
VIEW IN TELEGRAM
Аԥсны амилаҭтә библиотека ҳамҭас иаиуит 127 шықәса зхыҵуа, аламала иуԥыхьамшәо аҭыжьымҭа "Кавказ аҭҵаарақәа" англыз ҵарауаҩ, кавказҭҵааҩ Џьорџь Хьиуитт имҭаны.
Ҩ-томкны иҟоу ари аусумҭа ҭыҵит 1896 шықәсазы, авторс дамоуп Акралтә географиатә еилазаара ахадас иҟаз Дуглас Фрешфилд. Иара ианиааз Аладатәи Кавказ аҭоурых ҭиҵаауан. Аҵарауаа рыбжьара зегь раԥхьаӡа Ельбрус (Уашьхамахәа) ихалаз иоуп. Иара уи алагьы альпинизм Альп ашьхақәа рынахысгьы ишауа шьақәирӷәӷәеит.
Иҭҵаамҭа аҩбатәи атом аҟны "Аԥсны азаҵәра" зыхьӡу ахы агәылоуп. Амҳаџьырра ашьҭахь иҭацәыз ҳадгьылқәеи ҳажәлари рыӡбахә иҳәоит.
Хьиуитт ари аҭыжьымҭа шыҟаз еиликааит аҭоурыхҭҵааҩ Уилиам Аллен иҩымҭақәа рҟынтә, иԥшааны иааихәан, ашәҟәы ацҵаны Аԥсныҟа иааишьҭит.
Аԥсны амилаҭтә библиотека адиректор Борис Ҷолариа иажәақәа рыла, арҭ ашәҟәқәа акрызҵазкуа аҵакы рымоуп, маҷк аамҭа иархазаргьы. Дара аԥсаскьа зшьуа аппарат иахрыжьит, ауаа рнапаҿы ирыҭахоит иҷыдоу аԥҟарақәа инарықәыршәаны.
Иҵәаххоит зыхә ҳараку аалыҵқәа рыҟәшаҿы, мамзаргьы Ҷолариа икабинет аҿы иҩнагылоу Чачаа иртәыз ашькаԥ аҟны, уигьы аҭоурых ду змоу акоуп – 1840 шықәсазы Париж иҟаҵан.

👍14👏3🔥2
This media is not supported in your browser
VIEW IN TELEGRAM
Аԥсуа театр аҿы хара имгакәа апремиера ҟалоит!
Аспектакль "Агәхыхҩы" (Ловелас), иқәиргылоит Аԥсны зҽаԥсазтәыз акультура аусзуҩ Адгәыр Ақаҩба.
Ароль хада наигӡоит Аԥсны зҽаԥсазтәыз артист Ҭеимыраз Чамагәуа, афырԥҳәызба лроль – актриса Амра Наҷьҟьебиаԥҳа ("Сариа").
Аԥхьарбарақәа мҩаԥысуеит ҩымчыбжь рышьҭахь, жәабран 15,16 рзы.
🧡 Ахьыуардын шәақәтәа
Аспектакль "Агәхыхҩы" (Ловелас), иқәиргылоит Аԥсны зҽаԥсазтәыз акультура аусзуҩ Адгәыр Ақаҩба.
Ароль хада наигӡоит Аԥсны зҽаԥсазтәыз артист Ҭеимыраз Чамагәуа, афырԥҳәызба лроль – актриса Амра Наҷьҟьебиаԥҳа ("Сариа").
Аԥхьарбарақәа мҩаԥысуеит ҩымчыбжь рышьҭахь, жәабран 15,16 рзы.
Please open Telegram to view this post
VIEW IN TELEGRAM
👍12🔥3
Аџьынџьтәылатә Еибашьра ду аан иҿааҳәырахаз Сталинградтәи аиааира иахьа 80 шықәса ахыҵит.
Аидыслара хацәнамырха иалахәын 2,1 миллионҩык ауаа, 200 мшы ицон, афронт аура 850 километра ианынаӡоз ыҟан.
Аԥсуа ҵеицәа назлаз асовет ар аиааит! Ари зегь ауаа еицырдыруа фактқәоуп.
Аха шәара ишәаҳахьазма 1942 шықәса анҵәамҭазы Дыдрыԥшь-ныхаҿы ҳаԥсадгьыл аӷахәымга ицәнырха ҳәа аныҳәара шымҩаԥгаз?
Абри ажәабжь аниҵеит аҭоурыхҭҵааҩ Руслан Барцыц аныхаԥааҩ Заур Чычба иҳәамҭаны. Аныҳәара ашьҭахь мызкы ааҵхьан еиԥш Ар ҟаԥшь Сталинград афашистцәа рыцҟьеит. Уи нахысгьы Гитлер уаҳа егьизмырҽеит.
Аиԥш зеиԥшу аныҳәарақәа ХХ ашәышықәсазы Дыдрыԥшь даҽа ҩынтә имҩаԥган 1989, 1992 шықәсақәа рзы, усҟан адунеи ҳанызхыр зҭахыз ақырҭуа фашистцәа ракәын... Ҩаԥхьагьы ажәлар рныҳәаԥхьыӡ наӡеит.

👍9🔥5
🌽 Аҩ иаҩуеит, ах иахуеит, аԥсҭа гәаҩа иҭанаԥсоит.
Алу – ауаҩы ииӡбаз, ихы иаирхәаз амаругақәа иреиуоуп. Аԥсуаа ҳакәзар "Алу ашәагьы" аԥаҳҵеит. Ҳабдуцәа рхаан аӡлагара аӡыхкырақәа рҿы аԥсыӡгьы ркуан, убас ибарақьаҭын ҳаԥсабара.
Иахьа шьҭа афымца ӡлагарақәа роуп иҟоу, уи аҟнытә аӡлагара атерминқәа хәыҷы-хәыҷла ҳбызшәа иалҵуеит. Аха ақьаад аҿы еиқәхаз рацәоуп. Аҵыхәтәантәи ҩ-ажәак рҵакы ҳзеилымкаакәа иаанхоит, иҳаҵашәҳәозар ишәџьаҳшьоит😊
А́лу – жернов
Алурҟьанта́ (алуҟьанта́) – рукоять верхнего жернова
Акәыкәымса́г (алукәа́га) – отбойник для жерновов
Ахәы́ла (а́лумҵәышә) – ящик для зерна, висящий над жерновами
А́луҭаҩа - мельничный лар (куда сыплется мука)
Ачарӷәы (ача́рӷә) – деревянный совок; фанера
Аны́га – деревянная чашечка
Акәара́з – самшитовые пластинки
Алугәҵәы́ – вертикальный вал
Алы́ра – ось
Аԥарԥы́та – зубец (аӡлагара агьежь иамоу)
Амыргә – обойма
Ақәыргы́ла – подставка
Аҽада́ – "ослик"
Аӡыхкы́ра – водозабор
Аӡы́шьҭра – водосброс
А́иаҳәа – ящик для муки
Аҭәырӷәы́ – большой деревянный совок
Абчы́ҟә – мера сыпучих тел (16 кг)
Алаӷа
Абаџьхы́хга
Ианҵоуп Ҟасҭеи Арсҭаа иҳәамҭаны Уаҭхара, 1966 ш., Инна Ҳашԥҳа лматериалқәа рҟынтә.
Афольклор аҟынтә:
Аӡлагара ахәла ҭацәыр,
Алу еибафо иалагоит.
Ауаҩы имгәа ҭацәыр,
Агәамҵра далагоит.
Алуча́ – хлеб домашней выпечки в форме жернова
Алумгьал – жерновообразный чурек
Афото Есма Ҭодуа илтәуп.
🧡 Ахьыуардын шәақәтәа
Алу – ауаҩы ииӡбаз, ихы иаирхәаз амаругақәа иреиуоуп. Аԥсуаа ҳакәзар "Алу ашәагьы" аԥаҳҵеит. Ҳабдуцәа рхаан аӡлагара аӡыхкырақәа рҿы аԥсыӡгьы ркуан, убас ибарақьаҭын ҳаԥсабара.
Иахьа шьҭа афымца ӡлагарақәа роуп иҟоу, уи аҟнытә аӡлагара атерминқәа хәыҷы-хәыҷла ҳбызшәа иалҵуеит. Аха ақьаад аҿы еиқәхаз рацәоуп. Аҵыхәтәантәи ҩ-ажәак рҵакы ҳзеилымкаакәа иаанхоит, иҳаҵашәҳәозар ишәџьаҳшьоит
А́лу – жернов
Алурҟьанта́ (алуҟьанта́) – рукоять верхнего жернова
Акәыкәымса́г (алукәа́га) – отбойник для жерновов
Ахәы́ла (а́лумҵәышә) – ящик для зерна, висящий над жерновами
А́луҭаҩа - мельничный лар (куда сыплется мука)
Ачарӷәы (ача́рӷә) – деревянный совок; фанера
Аны́га – деревянная чашечка
Акәара́з – самшитовые пластинки
Алугәҵәы́ – вертикальный вал
Алы́ра – ось
Аԥарԥы́та – зубец (аӡлагара агьежь иамоу)
Амыргә – обойма
Ақәыргы́ла – подставка
Аҽада́ – "ослик"
Аӡыхкы́ра – водозабор
Аӡы́шьҭра – водосброс
А́иаҳәа – ящик для муки
Аҭәырӷәы́ – большой деревянный совок
Абчы́ҟә – мера сыпучих тел (16 кг)
Алаӷа
Абаџьхы́хга
Ианҵоуп Ҟасҭеи Арсҭаа иҳәамҭаны Уаҭхара, 1966 ш., Инна Ҳашԥҳа лматериалқәа рҟынтә.
Афольклор аҟынтә:
Аӡлагара ахәла ҭацәыр,
Алу еибафо иалагоит.
Ауаҩы имгәа ҭацәыр,
Агәамҵра далагоит.
Алуча́ – хлеб домашней выпечки в форме жернова
Алумгьал – жерновообразный чурек
Афото Есма Ҭодуа илтәуп.
Please open Telegram to view this post
VIEW IN TELEGRAM
👍11❤6
Аҳа́рҩа – мҩақәҵагоуп, ахра уаҿызго хаҳәуп.
(Аӡбахә бзианы иҳәоит Аԥсны Жәлар рышәҟәыҩҩы Алықьса Гогәуа, анаҩстәи ҳанҵамҭақәа рҿы ҳазааҭгылоит).
Аҳа́рҩа ахьӡуп Дал-Ҵабал иҟоу ашьхагьы, уи аҳаракыра 2523 метра инаӡоит, ахалара даараӡа иуадаҩуп.
Аҳарҩа иахьаҵанакуа иҟоуп Ар ахьеибашьыз ҳәа изышьҭоу ашьхаҭыԥ. Еибашьрас ара иҟаз ахҵәара иадҳәалоу ахҭысқәа ракәхап. Ишдыру еиԥш, амҳаџьырра ҟалаанӡа Дал-Ҵабал ажәлар рацәаҩны инхон.
Дара Дали Ҵабали ршара Амтҟьал ауп. Амтҟьал ахахьы Џьына ҳәа иашьҭан. Убри Џьына аҩада – Далын, алада – Ҵабалын.
Ааигәа-сигәа иҟақәоу ашьхақәа: Қәабчара, Цәымҟәысба (Чумкузба), Азанҭа (Ҵабал иатәуп), Адәыҩада, Кабишьха, Доуч, Соуиԥсара, Ламкац, Кәыниашҭа.
Дал-Ҵабал нахыс Абгалаҳәара алагоит, анаҩс – Аҳҷыԥсы, наҟ Барӷана. Барӷана шәарыцара ианцоз Багада ацҳа иқәсуан.
Афото: Аӡиа Амтҟьал аҳауаҟынтә, Ишьхатәылоу Аԥсны

❤7👍5🔥2
Ԥшьаԥ, Хәаԥ, Бзыԥ, Гарԥ, Гәараԥ, Гәыԥ, Хьыхьаԥ, Асԥа еицырзеиԥшу анҵәамҭа рымоуп -ԥ, ари аморфема аҵакқәа руак хыхь ҳазааҭгылахьан: "аԥхьа", "амԥан".
Бзыԥ ахьӡ аетимологиас иахьа еицырдыруа -ԥ "а́ԥара" аҟынтә иаауеит ҳәоуп. Апрофессор Виачеслав Чрыгба ажәытә аԥсшәаҟынтә ареконструкциа ҟаиҵеит "Бӡы́-ԥа" ҳәа (прыгучая вода). "Бӡы" (вода) аԥсшәаҿы "аӡы" ҳнаҭеит, аубых бызшәаҿы "бзы".
Шәахәаԥш, аубых ӡиасқәа рыхьӡқәа шеиҿкаау: Бзыгә (иахьатәи аԥсшәала Ӡыгәҭа), Бзыч, Бзныч, Бзогәа, Бзид.
Аха уаанӡа бзыԥтәи адилект ҭызҵаауаз абызшәадырҩы Хәыхәыт Бӷажәба ишиҩуаз ала, -ԥ ара иаанаго "устье реки" ауп. Абасала, иара иверсиа инақәыршәаны, аҭыԥхьыӡ аӡиас иахьӡхеит.
Ҿырԥшысгьы иааигоит аԥсуа-адыга ҭоурыхтә дгьылқәа ртопонимика Афыԥсыԥ (устье реки Афипс), Лабаԥ (Усть-Лабинская),Улаԥ, Маиҟәаԥ, Анаԥа.
Аурыс хсаалақәа рҿы иарбоу адыга ӡиасқәак: Ашампэ, Буапэ, Берендуапь, Казиап. Абарҭ зегь ыԥаларызу?
Атопонимика аҟара аҭоурых зныԥшуа даҽа хырхарҭак ыҟамзар ҟалап абызшәадырраҿы, избанзар ажәытәра еиқәнархоит, уи аҭҵаареи аиҿырԥшрақәеи лымкаала аинтерес рыҵоуп. Уажәи-уажәи ҳазыхынҳәлоит🧐
🧡 Ахьыуардын шәақәтәа
Бзыԥ ахьӡ аетимологиас иахьа еицырдыруа -ԥ "а́ԥара" аҟынтә иаауеит ҳәоуп. Апрофессор Виачеслав Чрыгба ажәытә аԥсшәаҟынтә ареконструкциа ҟаиҵеит "Бӡы́-ԥа" ҳәа (прыгучая вода). "Бӡы" (вода) аԥсшәаҿы "аӡы" ҳнаҭеит, аубых бызшәаҿы "бзы".
Шәахәаԥш, аубых ӡиасқәа рыхьӡқәа шеиҿкаау: Бзыгә (иахьатәи аԥсшәала Ӡыгәҭа), Бзыч, Бзныч, Бзогәа, Бзид.
Аха уаанӡа бзыԥтәи адилект ҭызҵаауаз абызшәадырҩы Хәыхәыт Бӷажәба ишиҩуаз ала, -ԥ ара иаанаго "устье реки" ауп. Абасала, иара иверсиа инақәыршәаны, аҭыԥхьыӡ аӡиас иахьӡхеит.
Ҿырԥшысгьы иааигоит аԥсуа-адыга ҭоурыхтә дгьылқәа ртопонимика Афыԥсыԥ (устье реки Афипс), Лабаԥ (Усть-Лабинская),Улаԥ, Маиҟәаԥ, Анаԥа.
Аурыс хсаалақәа рҿы иарбоу адыга ӡиасқәак: Ашампэ, Буапэ, Берендуапь, Казиап. Абарҭ зегь ыԥаларызу?
Атопонимика аҟара аҭоурых зныԥшуа даҽа хырхарҭак ыҟамзар ҟалап абызшәадырраҿы, избанзар ажәытәра еиқәнархоит, уи аҭҵаареи аиҿырԥшрақәеи лымкаала аинтерес рыҵоуп. Уажәи-уажәи ҳазыхынҳәлоит
Please open Telegram to view this post
VIEW IN TELEGRAM
👍12❤3🔥3
This media is not supported in your browser
VIEW IN TELEGRAM
Иашҭхәа иахьа ашьыжь аӡын сахьа шьҭнахит.
Асы зҭахыз ҳаҟамзи, иҳазлеира иҟоуп❄️
🔎 Иашҭхәа – Кавказ иахьаҵанакуа раԥхьаӡатәи ауаа ртәарҭақәа ируакуп. Ахьӡ аԥсышәоуп, Иашаа (Ешбақәа) рхәы (рқыҭа) аанагоит.
🧡 Ахьыуардын шәақәтәа
Асы зҭахыз ҳаҟамзи, иҳазлеира иҟоуп
Please open Telegram to view this post
VIEW IN TELEGRAM
👍10❤2🔥2
This media is not supported in your browser
VIEW IN TELEGRAM
Ари Риҵаҟа амҩа☃️
Ҳаԥхьаҩцәа иаҳзаарышьҭит, иҭыхуп убыржәыҵәҟьа.
Аӡын ҳшаҿу, аҵаара (замерзать) ажәа иаанаго шәҳәозар?
"Аҵ аара" – приход сюда (вырастание) дна. Амасдар аҵаара иахылҵит аҵаа (лед, мороз) ахьӡгьы [Р.П. Шамба].
Асеиԥш ишьақәгылоу иҵегь ажәақәа: агәаа-хаара (обижаться), ацәаара (силуэт), ашьацаара (вырастание травы), ашьаара (кровотечение).
Шәаргьы иацышәҵа.

👍18👏3❤2
Баграт Шьынқәба ихьӡ зху аԥсшәа арҿиара афонд иԥсабаратәым аинтеллект ҳабызшәа адырҵоит.
Убас, иахьазы 100 нызқь ҳәоу асистема иҭагалоуп. Ари зегь зыҟарҵо акы – абызшәа зҵо рырманшәаларазы, ҩбагьы – аинтернет ала ажәақәа мацара ракәым, аҳәоуқәагьы шеибгоу реиҭагара алыршахарц.
Ҳәарада, онлаин-аиҭагақәа рхархәашьа зынӡа вба узамҭо иҟаӡам, зегь реиҳа иҿиоу англыз бызшәа ҳгозаргьы, аха раԥхьатәи шьаҿак аҳасабала ари ус дуӡӡоуп. Раԥхьаҟа ргәы иҭоуп миллионк аҳәоуқәа рҭагалара.
Аиҿырԥшразы: ҩ-томкны иҟоу аԥсуа-аурыс жәар 30 нызқь инареиҳаны ажәа агәылоуп. Иахьеи-уахеитәи ҳаԥсҭазаараҿы иҳазхоит 3-4 нызқь.
Аурыс литературатә бызшәа 150 нызқь ажәа алоуп, аха ацәажәаратә бызшәа 5-6 нызқь ирҭаӡоит.
Афото аҟны иахьатәи аԥсуа алфавит.
🧡 Ахьыуардын шәақәтәа
Убас, иахьазы 100 нызқь ҳәоу асистема иҭагалоуп. Ари зегь зыҟарҵо акы – абызшәа зҵо рырманшәаларазы, ҩбагьы – аинтернет ала ажәақәа мацара ракәым, аҳәоуқәагьы шеибгоу реиҭагара алыршахарц.
Ҳәарада, онлаин-аиҭагақәа рхархәашьа зынӡа вба узамҭо иҟаӡам, зегь реиҳа иҿиоу англыз бызшәа ҳгозаргьы, аха раԥхьатәи шьаҿак аҳасабала ари ус дуӡӡоуп. Раԥхьаҟа ргәы иҭоуп миллионк аҳәоуқәа рҭагалара.
Аиҿырԥшразы: ҩ-томкны иҟоу аԥсуа-аурыс жәар 30 нызқь инареиҳаны ажәа агәылоуп. Иахьеи-уахеитәи ҳаԥсҭазаараҿы иҳазхоит 3-4 нызқь.
Аурыс литературатә бызшәа 150 нызқь ажәа алоуп, аха ацәажәаратә бызшәа 5-6 нызқь ирҭаӡоит.
Афото аҟны иахьатәи аԥсуа алфавит.
Please open Telegram to view this post
VIEW IN TELEGRAM
🔥12👍7👏6
Ахьыуардын
Аԥсуа театр аҿы хара имгакәа апремиера ҟалоит! Аспектакль "Агәхыхҩы" (Ловелас), иқәиргылоит Аԥсны зҽаԥсазтәыз акультура аусзуҩ Адгәыр Ақаҩба. Ароль хада наигӡоит Аԥсны зҽаԥсазтәыз артист Ҭеимыраз Чамагәуа, афырԥҳәызба лроль – актриса Амра Наҷьҟьебиаԥҳа…
Уаанӡа, иааиуа ашәахьаҽны Аҿар ртеатр "Аԥсҭазаара ахаҿсахьа" ҳәа зеиԥш зыхьӡыс измоу аминиатиурақәа ҳдырбоит.
Асценаҿы рыԥсы ҭалараны иҟоуп Шоҭа Ҷкадуа, Шьалодиа Аџьынџьал, Таиф Аџьба рҩымҭақәа ирылху ақәыргыламҭақәа.
Алшара змоу ишәаҩшәмыжьын!
Please open Telegram to view this post
VIEW IN TELEGRAM
👍15🔥4
"Азахә ԥша" закәу жәдыруазар?
Final Results
21%
Северный ветер
17%
Западный ветер
35%
Ласковый ветер
27%
Почет, авторитет
👍12🤯1
Азахә – черкес
Азахә ҭыԥҳа – черкешенка
Азахә ҽыжәла – кабардинская лошадь
Азахә икәымжәеиԥш зегьы дырнаалоит – покладистый (досл.: подходит всем как черкеска черкеса)
Асахьа: Фредерик Артур Бриџьмен "Азахә ҭыԥҳа", 1881 ш.
Please open Telegram to view this post
VIEW IN TELEGRAM
👍12❤6🤩2🔥1
Адгьыл зегь агәалашәоит 🌍
Ажәлақәа ирхылҿиааз, гәыҩбара зцым (ҳгәанала) аҭыԥхьыӡқәа:
Мгәыӡаа – Мгәыӡырхәа
Ҟәланаа – Ҟәланырхәа
Аҭеиаа – Адеигәа́ра (Аҭеиаа ргәара)
Блабаа – Блабырхәа
Бармышьаа – Бармышь
Баӷаа – Баӷрыԥсҭа
Лыӡаа (Лоуаа) – Лӡаа; Мӡаа
Лоуаа – Лоо
Шәачаа – Шәача
Арыдаа – Арыдлар (Адлер)
Гәбаа – Гәбаадәы
Кәыдаа – Кәыдаԥсҭа
Гьачаа – Гьачрыԥшь
Цандаа/Цанбақәа – Цандрыԥшь
Чрыгаа – Чрыгрыԥшь (→ Чыгрыԥшь)
Жәандаа/ Ажәанбақәа – Жәандрыԥшь
Мқьалаа – Мқьалрыԥшь
📜 Ажәлар рҳәамҭақәа рҿы иаҳԥыло ажәлақәа:
Самахьхәаа – Самеговы, аҭоурыхтә-фырхаҵаратә ашәақәа ирылоуп
Аиныраа
Аӷәырлаа
Гьагәаа (ижьицәан)
Ларсаа // Ларсанаа
Кьамачаа
Ҟлычаа (ашәуаа рҿы иҟоуп)
Ҳәмараа (Ҭырқәтәыла иҟоуп)
Џыраа (Аӡынаа рабиԥароуп, ашәуаа рҿы – Жировы)
Ахыҵхырҭа: Шьалуа Инал-Иԥа, Хәыхәыт Бӷажәба, Валери Кәарҷиа русумҭақәа
Асахьаҿы Цәымҟәысба ашьха (гора Чумкузба) ©️ Ҭенгиз Ҭарба
🔎 Дал-Ҵабал иҟоу Цәымҟәысба ашьха ахьӡ -ба ала инҵәоит, аиԥш зеиԥшу аԥсуа жәлагьы ыҟан, аха изхыз уажәшьҭа Аԥсны инхаӡом.
🧡 Ахьыуардын шәақәтәа
Ажәлақәа ирхылҿиааз, гәыҩбара зцым (ҳгәанала) аҭыԥхьыӡқәа:
Мгәыӡаа – Мгәыӡырхәа
Ҟәланаа – Ҟәланырхәа
Аҭеиаа – Адеигәа́ра (Аҭеиаа ргәара)
Блабаа – Блабырхәа
Бармышьаа – Бармышь
Баӷаа – Баӷрыԥсҭа
Лыӡаа (Лоуаа) – Лӡаа; Мӡаа
Лоуаа – Лоо
Шәачаа – Шәача
Арыдаа – Арыдлар (Адлер)
Гәбаа – Гәбаадәы
Кәыдаа – Кәыдаԥсҭа
Гьачаа – Гьачрыԥшь
Цандаа/Цанбақәа – Цандрыԥшь
Чрыгаа – Чрыгрыԥшь (→ Чыгрыԥшь)
Жәандаа/ Ажәанбақәа – Жәандрыԥшь
Мқьалаа – Мқьалрыԥшь
📜 Ажәлар рҳәамҭақәа рҿы иаҳԥыло ажәлақәа:
Самахьхәаа – Самеговы, аҭоурыхтә-фырхаҵаратә ашәақәа ирылоуп
Аиныраа
Аӷәырлаа
Гьагәаа (ижьицәан)
Ларсаа // Ларсанаа
Кьамачаа
Ҟлычаа (ашәуаа рҿы иҟоуп)
Ҳәмараа (Ҭырқәтәыла иҟоуп)
Џыраа (Аӡынаа рабиԥароуп, ашәуаа рҿы – Жировы)
Ахыҵхырҭа: Шьалуа Инал-Иԥа, Хәыхәыт Бӷажәба, Валери Кәарҷиа русумҭақәа
Асахьаҿы Цәымҟәысба ашьха (гора Чумкузба) ©️ Ҭенгиз Ҭарба
Please open Telegram to view this post
VIEW IN TELEGRAM
👍17🔥3
This media is not supported in your browser
VIEW IN TELEGRAM
Риҵа асы еиқәнажьит, иеилаҳауа аӡәыр шәыҟазар🌨
❕ Асы́ – ашьҭыбжьҿыԥшратә ажәоуп (звукоподражательное слово).
Ус иҟоу ажәақәа рацәаны иҳамоуп: -ԥс'ы (вода), адыд (гром), агәыр-гәыр, ахьхьа-хьхьа, аҷҷа-ҷҷа, кәаԥ-кәаԥ, кәарма-кәарма, Пыв (аӡбаарақәа амоуп, уанныҟәо ушьапышьҭыбжь абас игоит [В. Кәарҷиа].
Аԥсны аҳауагәаҭаҩцәа ишаарыцҳауа ала, арҭ амшқәа ашьхарахь асы аулоит, ашьха ашьапаҿы – ақәабаа-сабаа, ага ашәшьы хылоит, иналак-аалакны ақәа леиуеит.
Аҳауаԥхарра уахынла ⬇️-2 ⬆️+ 3°С, ҽынла ⬇️+1 ⬆️+6°С.
🧡 Ахьыуардын шәақәтәа
Ус иҟоу ажәақәа рацәаны иҳамоуп: -ԥс'ы (вода), адыд (гром), агәыр-гәыр, ахьхьа-хьхьа, аҷҷа-ҷҷа, кәаԥ-кәаԥ, кәарма-кәарма, Пыв (аӡбаарақәа амоуп, уанныҟәо ушьапышьҭыбжь абас игоит [В. Кәарҷиа].
Аԥсны аҳауагәаҭаҩцәа ишаарыцҳауа ала, арҭ амшқәа ашьхарахь асы аулоит, ашьха ашьапаҿы – ақәабаа-сабаа, ага ашәшьы хылоит, иналак-аалакны ақәа леиуеит.
Аҳауаԥхарра уахынла ⬇️-2 ⬆️+ 3°С, ҽынла ⬇️+1 ⬆️+6°С.
Please open Telegram to view this post
VIEW IN TELEGRAM
👍15❤3🔥2
Иреиҳаӡоу ҳҵараиурҭа иахьа 44 шықәса ахыҵит. Уи аушьҭымҭацәа аӡәырҩы хьӡи-ԥшеи згым аҵарауаа, аполитикцәа, абизнесуаа ракәны иҩагылеит.
Иахьа аҿар рдырра рымардоит аԥышәа бзиа змоу 470-ҩык арҵаҩцәа. Зынӡа иҭоу астудентцәа рхыԥхьаӡара 2486-ҩык ыҟоуп.
Факультетцыԥхьаӡа шаҟаҩы аҵара рҵо шәахәаԥш еиқәҳаршәаз ахсаалаҿы.
Please open Telegram to view this post
VIEW IN TELEGRAM
🔥10👍6