Ахьыуардын
🍐 Уажә ааигәа ашәыр еихаҳара, абаҳчааӡара иазҟазоу аӡәы ҳиҿцәажәон. Аҳа ахкыжәлақәа жәохә еиқәиԥхьаӡеит. Иџьаҳшьеит. Шәҟәыла ишьҭаҳхзар — 25 инареиҳазаап. Аберҳа, аӡынҳа, акырпыжәҳа, акәапеиҳа, акьафырҳа, ақәышьарҳа, ақәыԥсҳа, алацанҳа, алагәанҳа, алуҳа,…
🍎 Аԥсны изызҳауа аҵәа ахкыжәлақәа
• А́ӷбаҵәа
• Абамбаҵәа́
• Аӡынҵәа́
• Аихаҵәа́
• Апарчанда́
• Аҵәагәа́ҩа
• Аҵәажьа́кца
• Аҵәа́ҟаԥшь (аҵәа́ԥшь)
• Ашьақа́рҵәа
• Аҳәырҵәа́
• Ацига́нҵәа
• Аҵәа́хәа
• А́ԥсуаҵәа
• Мҵа́ратәи аҵәа
• Ашампа́нҵәа
• Апо́рт
• Аҵәасса,́ аҵәа́ша (дикие яблони) — хыхь еиқәыԥхьаӡоу ахкыжәлақәа реиҳарак зхылҿиааз, абнаҿ изызҳауа, зхала аԥсабара ианылаз ҵиаақәоуп, аԥсуаа рҿы иҵламшқәоуп ҳәа ԥхьаӡан. Аҳаҷҷеиԥш аҵәассагьы ахьыҟоу алаԥшцәгьа мчы амамызт, уи аҟынтә агара иҭаз ашыц гәабан аҵәассамахә аҵарҵон, ауардын аӷьатамагьы аҵәассамахә иалырхуан.
🧡 Ахьыуардын шәақәтәа

Please open Telegram to view this post
VIEW IN TELEGRAM
👍19❤9
Ахьыуардын
🍎 Аԥсны изызҳауа аҵәа ахкыжәлақәа • А́ӷбаҵәа • Абамбаҵәа́ • Аӡынҵәа́ • Аихаҵәа́ • Апарчанда́ • Аҵәагәа́ҩа • Аҵәажьа́кца • Аҵәа́ҟаԥшь (аҵәа́ԥшь) • Ашьақа́рҵәа • Аҳәырҵәа́ • Ацига́нҵәа • Аҵәа́хәа • А́ԥсуаҵәа • Мҵа́ратәи аҵәа • Ашампа́нҵәа • Апо́рт • Аҵәасса…
"Иҟоуп, иудыруеит, аԥсуа ҵәак "аӡынҵәа" ҳәа иашьҭоуп... Адгьыл рацәаны иаҵанакуеит азыҳәан, имаҷны еиҭарҳауеит уи аҵәа. Аумаамҭа иазҳауеит, аха знык ианазҳа, аԥсуаа иаҳҩызоуп, ақәра ду ннаҵуеит. Умаҭацәагьы иҿыхны ирфалоит... Убри аҵәа, нан, ахәмарга здырбо ахәыҷы иеиԥш, амахәқәа рхаха, ажәҩан ахь иԥшуанаҵы, иҿало ссоуп, агьамагьы, ҽеим. Ашықәсқәа нақәыӷәӷәаны, амахәқәа анылаҟәлак, ажәҩан мацара акәымкәа, адгьылгьы шыҟоу анабалак, урҭ аҩбагьы анеицылалак, иҿалогьы ҟәазхоит, агьамагьы бзиахоит…"
Џьума Аҳәба иажәабжь "Аԥхыӡ" аҟынтә
🧡 Ахьыуардын шәақәтәа
Џьума Аҳәба иажәабжь "Аԥхыӡ" аҟынтә
Please open Telegram to view this post
VIEW IN TELEGRAM
👍17❤6🤯1
Ахьыуардын
Ауаҩы раԥхьаӡа идикылаз, инапы иаиршьцылаз, ԥсабарала иҟәышу ала́ наџьнатә аахыс ицхырааҩ дууп аҩны-агәара, арахә-ашәахә рыхьчараҿы, ашәарыцараҿы. "Ала уаҩы ишьа алоуп", "анхаҩ бзиа илақәа рыла дудыруеит" рҳәоит. Арахәааӡареи ашәарыцареи хныҟәгагас ианыҟаз…
Ала ауаҩы ишьа алоуп рҳәоит, уи агәра згахьоугьы маҷым. Асахьаркыратә фильм "Хатико" адунеи ахьынӡанаӡааӡо миллионла ахәаԥшцәа аиуит, згәы амырԥшааз дыҟам, ихаҳәымзар. Аиԥш зеиԥшу аҭоурыхқәа егьараан, егьаџьара иҟалахьеит. Аԥсынгьы ирацәан амҳаџьырра аамҭақәа раан, ала рыцҳақәа ақьаԥҭақәа ианырҭынхоз.
Иахьа ԥсшьарамшуп, шәаԥхьарц ишәыдаагалоит Жьужьа Ақаҩба ииҩыз, иҟалахьоу ажәабжьк. Акинематограф иазааигәоу аҟазауаа азхьаԥшны ишахәҭоу иҭыхзар, Аԥсны анҭыҵгьы инаугаша, ихазыноу ҭоурыхуп. Ԥсыуала аламыс аныҟәгара закәу аанарԥшуеит, излаҩу абызшәа ссируп. Аԥхьара ишәцәагоит хәбаҟа минуҭ, ишәнаҭоит агәахәа дуӡӡа. Шәымҩахыҵ абранӡа>>
Анҵәамҭа бзиоуп, уарҵәыуаргьы – гәырӷьа лаӷырӡыла.
🧡 Ахьыуардын шәақәтәа
Иахьа ԥсшьарамшуп, шәаԥхьарц ишәыдаагалоит Жьужьа Ақаҩба ииҩыз, иҟалахьоу ажәабжьк. Акинематограф иазааигәоу аҟазауаа азхьаԥшны ишахәҭоу иҭыхзар, Аԥсны анҭыҵгьы инаугаша, ихазыноу ҭоурыхуп. Ԥсыуала аламыс аныҟәгара закәу аанарԥшуеит, излаҩу абызшәа ссируп. Аԥхьара ишәцәагоит хәбаҟа минуҭ, ишәнаҭоит агәахәа дуӡӡа. Шәымҩахыҵ абранӡа>>
Анҵәамҭа бзиоуп, уарҵәыуаргьы – гәырӷьа лаӷырӡыла.
Please open Telegram to view this post
VIEW IN TELEGRAM
Telegraph
Амҳаџьыр Муса ила
Аамҭала Қаҩ Муса ҳәа аӡәы Абӷархықә дынхон. Ирахә-ишәахә, инхамҩа уҳәа бзанхаҩык дшыҟаз дыҟан. Аха иазаауеи, амҳаџьырра аамҭазы ҭаацәала дыхҵәаны, иԥсадгьыл ныжьны Ҭырқәтәылаҟа дымцар амуит. Ирахә еибарҟаауа, инаԥшы-ааԥшуа агәашә иаадхалт. Иахьеи-уахеи аџьықәреи…
❤🔥9👍8❤3🤯1
Ашьыжь аныҳәаҩ дгәарлоит. (Ажәаԥҟа) Аԥсуаа рныҳәаԥхьыӡқәак:
• Адунеи уақәлахааит.
• Ажәлар рныҳәа угымхааит.
• Анцәа абзиара уирбааит.
• Гәырӷьачара умазааит.
• Еиҳа зымчу духылаԥшааит.
• Жәҩан гәашәԥхьара узыԥшызааит.
• Ныҳәаԥхьыӡс иҟоу угымхааит.
• Уҵәҩаншьап мыӡааит.
• Уҵеира иазҳааит.
• Уажәымҭа шкәакәахааит.
• Уашҭа абзиара ҭалааит.
• Ҳазшаз еиҭаҳәара уиҭааит.
• Уахьца уаалааит.
• Уиаҵәахә кыдымшәааит.
• Умца мыцәааит.
• Ухәаша мблааит.
• Хы-хшарала умашшааит.
• Хыхь-гәыхь умоуааит.
• Хьымӡӷ уқәымзааит.
• Чарала умҩасааит.
• Шьарда аамҭа нуҵааит.
• Ушьҭамҭа мыӡааит.
Ахыҵхырҭа: Гиви Ҵнариа "Аҵеира"
Асахьа © Ашьхатәыла Аԥсны
Ажәа амч амоуп, шәаргьы иацышәҵа.
🧡 Ахьыуардын шәақәтәа
• Адунеи уақәлахааит.
• Ажәлар рныҳәа угымхааит.
• Анцәа абзиара уирбааит.
• Гәырӷьачара умазааит.
• Еиҳа зымчу духылаԥшааит.
• Жәҩан гәашәԥхьара узыԥшызааит.
• Ныҳәаԥхьыӡс иҟоу угымхааит.
• Уҵәҩаншьап мыӡааит.
• Уҵеира иазҳааит.
• Уажәымҭа шкәакәахааит.
• Уашҭа абзиара ҭалааит.
• Ҳазшаз еиҭаҳәара уиҭааит.
• Уахьца уаалааит.
• Уиаҵәахә кыдымшәааит.
• Умца мыцәааит.
• Ухәаша мблааит.
• Хы-хшарала умашшааит.
• Хыхь-гәыхь умоуааит.
• Хьымӡӷ уқәымзааит.
• Чарала умҩасааит.
• Шьарда аамҭа нуҵааит.
• Ушьҭамҭа мыӡааит.
Ахыҵхырҭа: Гиви Ҵнариа "Аҵеира"
Асахьа © Ашьхатәыла Аԥсны
Ажәа амч амоуп, шәаргьы иацышәҵа.
Please open Telegram to view this post
VIEW IN TELEGRAM
👍26❤7
Аԥсны Аконституциа 29 шықәса ахыҵит. Аҳәынҭқарра ҵәатәышьаҟас иаҵагылоу, уи аҿиара ҳәаақәызҵо, ауааԥсыра зегьы еицырзеиԥшу, иагьеидызкыло Ашәҟәы шьҭыхын 1994 шықәсазы абри аҽны, иара убасҟан Владислав Арӡынба ихьӡ ҳәан Аԥсны раԥхьатәи ахадас. Абҵара 26 — агәадуреи агәырӷьареи зцу, акрызҵазкуа мшуп.
Ари аҭоурыхтә хҭыс алзыршаз ируаӡәку, Аԥсны Иреиҳаӡоу Асовет адепутатс иҟаз Олег Дамениа усҟантәи аҭагылазаашьа игәалаиршәоит абас:
"Аконституциа адкылара мариаӡамызт. Иаахтны иаҳҳәозар, ҳаргьы ишахәҭоу еиԥш ҳазыҟаҵаӡамызт. Аха аамҭа иҳаднаҵон, аҭоурыхтә аамҭа ҳарццакуан. Убри аҟынтә иҳадаҳкылеит. Егьа ҟрыҵәрыла иҳадаҳкылазаргьы, ицәгьам ҳәа уаҩы иҳәаратәы иҟоуп. Хадара злоу апринципқәа — аҳәынҭқарра аиҿкаара, ажәлар реиқәырхара, ажәлар рыҿиара, абарҭқәа зегьы арбоуп. Ҳәарада, аус адулатәуп, аԥсахрақәа алагалатәуп. Аха аус злоу Аконституциа иагу акәӡам, иара ҳақәныҟәалароуп, убри ауп зегьы ирыцку. Зегь реиҳа ҳахьыцыркьуа — Аконституциа иарбоу азакәанқәа азгәамҭакәа ҳшьаҿақәа ахьеихаҳго ауп".
☑️ Аԥсны ахадарахьы инеиуа зегьы рнапы зықәҵаны ҭоуба руа 1994 шықәсазтәи Аконституциа ԥшьаҩырак иаҳзаҩызоуп, избанзар ишьақәнарӷәӷәоит шьала иаагаз аԥсуа ҳәынҭқарра аҳәаақәа, уи ахьыԥшымра, арҭқәа ахаан ԥсахра рықәымкәа закәанла иахьчоуп.
🧡 Ахьыуардын шәақәтәа
Ари аҭоурыхтә хҭыс алзыршаз ируаӡәку, Аԥсны Иреиҳаӡоу Асовет адепутатс иҟаз Олег Дамениа усҟантәи аҭагылазаашьа игәалаиршәоит абас:
"Аконституциа адкылара мариаӡамызт. Иаахтны иаҳҳәозар, ҳаргьы ишахәҭоу еиԥш ҳазыҟаҵаӡамызт. Аха аамҭа иҳаднаҵон, аҭоурыхтә аамҭа ҳарццакуан. Убри аҟынтә иҳадаҳкылеит. Егьа ҟрыҵәрыла иҳадаҳкылазаргьы, ицәгьам ҳәа уаҩы иҳәаратәы иҟоуп. Хадара злоу апринципқәа — аҳәынҭқарра аиҿкаара, ажәлар реиқәырхара, ажәлар рыҿиара, абарҭқәа зегьы арбоуп. Ҳәарада, аус адулатәуп, аԥсахрақәа алагалатәуп. Аха аус злоу Аконституциа иагу акәӡам, иара ҳақәныҟәалароуп, убри ауп зегьы ирыцку. Зегь реиҳа ҳахьыцыркьуа — Аконституциа иарбоу азакәанқәа азгәамҭакәа ҳшьаҿақәа ахьеихаҳго ауп".
Please open Telegram to view this post
VIEW IN TELEGRAM
👍15🙏4❤2
This media is not supported in your browser
VIEW IN TELEGRAM
Абас аԥашадаас анкылҟьалоз ажәытәан аԥсуаа "аԥша ҿарҳәон" (усмирить ветер), уи шыҟарҵоз шәаԥхьар шәылшоит абра >>
Please open Telegram to view this post
VIEW IN TELEGRAM
👍16🙏4
Ԥсы зхоу рахьтә ари аҩыза амш иеигәырӷьо ыҟазар, ацәқәырԥынқәа роуп! Аԥшаӷьы анасуа дара рзы иныҳәоуп, иара усгьы бжеиҳан аҳауа ихиаалоу, ас еиԥшқәа раан аԥша имҵанарсуеит, рыԥырра армариоит.
Ацәқәырԥы́н (буревестник) — адунеи ахьынӡанаӡааӡо иуԥыло ԥсаатәуп, ахкқәа рацәоуп, Амшын еиқәаҿы иазгәаҭоуп акык-ҩбак (левантский, малый). Аӷбаныҟәацәа ажәытәӡа аахыс ҩызцәас ирымоуп: ауаа урҭ рхымҩаԥгашьала амш шеилахәоз рдыруан, агәҽанызаара роуан.
Аԥсуа литератураҿы ахаҿсахьа шамахамзар иуԥылом, ахаҭагьы ҳамшын аҿықә имаҷны иамоуп, аҷнышқәеи абабыҟәқәеи ирҿырԥшны иугозар. Иџьашьатәым нас, ари аԥсаатә адгьыл иазшамызт, ацәқәырԥақәа ирыжәлоит, ирԥыҩлоит, уи ауп ԥсҭазаарас иамоу, аҳауа ишалоу ицәаргьы ҟалоит.
#аԥсаатәқәа
🧡 Ахьыуардын шәақәтәа
Ацәқәырԥы́н (буревестник) — адунеи ахьынӡанаӡааӡо иуԥыло ԥсаатәуп, ахкқәа рацәоуп, Амшын еиқәаҿы иазгәаҭоуп акык-ҩбак (левантский, малый). Аӷбаныҟәацәа ажәытәӡа аахыс ҩызцәас ирымоуп: ауаа урҭ рхымҩаԥгашьала амш шеилахәоз рдыруан, агәҽанызаара роуан.
Аԥсуа литератураҿы ахаҿсахьа шамахамзар иуԥылом, ахаҭагьы ҳамшын аҿықә имаҷны иамоуп, аҷнышқәеи абабыҟәқәеи ирҿырԥшны иугозар. Иџьашьатәым нас, ари аԥсаатә адгьыл иазшамызт, ацәқәырԥақәа ирыжәлоит, ирԥыҩлоит, уи ауп ԥсҭазаарас иамоу, аҳауа ишалоу ицәаргьы ҟалоит.
#аԥсаатәқәа
Please open Telegram to view this post
VIEW IN TELEGRAM
👍13❤2
Абри аҽны 210 шықәса раԥхьа Санкт-Петербург диит Иван Бартоломеи — раԥхьаӡатәи аԥсуа нбан аиқәыршәаҩ, аинрал-леитенант, аҵарауаҩ, ашәҟәыҩҩы, анумизмат.
Иан лышьҭрала Кавказ ашьхарыуаа дырцырҟьоуп, лара аҭауадцәа Черкасаа дырҭыԥҳан (княжна Черкасская), урҭ рыжәла, ишдыру еиԥш, ахы акит XV ашәышықәсазы азахәцәа аҳас ирымаз Инал Ду Лаша иҟынтә (ԥсыуала ианшьцәа Инал-иԥацәан уҳәар ауеит).
Бартоломеи напхгара зиҭоз акомиссиа еиқәнаршәаз Аԥсуа нбан ҭыҵит 1865 шықәсазы, шьаҭас иаиуит Услар уаанӡа ишьақәиргылахьаз аԥсуа алфавит, бзыԥтәи адиалект ашьҭыбжьқәа арбан. Ари анбан ахархәара аман 30 шықәса инарзынаԥшуа, Гәлиеи Маҷавариани рышәҟәы ҭыҵаанӡа.
Бартоломеи ахшыҩ ҵар змаз, зылаԥшҳәаа ҭбааз уаҩын, дышқәыԥшызнатә инапы ианырҵоз арратә дҵақәа зеиӷьыҟам ала инаигӡон, ирратә уалԥшьа дахьнанагоз ажәларқәа рҭоурых, ретнографиа дазҿлымҳан. Аԥсуа нбан адагьы, ачечен бызшәа анбан еиқәиршәеит. Иааидкыланы Кавказ 20 шықәса ихигеит, 1850 шықәса инаркны 1870 шықәсазы Қарҭ иԥсҭазаара далҵаанӡа.
Услари Бартоломеи дара раамҭазы аԥсшәазы ирылшаз аус шәашьа амаӡам, пату ду ҳзақәуп.

👍16❤6
Аԥсуаа аӡахәацҳақәа ҟарҵон иԥаны, ишышны, иара аӡахәа ԥымҟакәагьы цҳас ихырҵозаарын, уимоу аӡԥаҩқәа рҿы абнаӡахәа еиҭарҳауан, ианеилачлак ихәарҭахарц! Ари атәы дырны изҳәахьоу ыҟамкәа иҟам, ҳара иаҳԥылеит сынтәа изиубилеиу ашәҟәыҩҩы Даур Занҭариа ирҿиараҿы, иажәабжь "Амзымуаа" иалоу фырхаҵак иҿала иҳәоит абас:
"Анкьа Багада ацҳа асеиԥш еихала ичаԥаны иҟамызт. Нырцә-аарцә еиҭарҳауан абнаӡахәа, нас аӡахәақәа еилаланы, иузеилымхыртә еилаԥаҭаны иааҟалон. Уи ашьҭахь хыхь анышә нықәрыԥсон, абасала имазеин зыԥсы ҭаз ацҳа. Аӷа данжәылоз, аӡахәа ганкахьала иныҵаԥырҟон, аамҭала иаахырхуан ацҳа..."
Асахьаҿы ижәбо ацҳа ҳаамҭазы ахархәара амоуп Индиа, аҵла адацқәа ирылхуп. Ҳтәыла аԥсшьацәа злаҭаауа ала, иахьшәарҭам џьара ихҵазар ҟалон зыԥсы ҭоу аӡахәацҳа: иԥшӡоуп, аԥсабара иаԥырхагам, ҳҭоурых уазхьанарԥшуеит, Аԥсны ажәытә хаҳә аамҭазы аӡахәа ахьыҿиаз дгьылк аҳасабалагьы аинтерес аҵоуп.
Аԥсуаа ихырҵоз ацҳа ахкқәа еиқәыԥхьаӡоуп абра>>
🧡 Ахьыуардын шәақәтәа
"Анкьа Багада ацҳа асеиԥш еихала ичаԥаны иҟамызт. Нырцә-аарцә еиҭарҳауан абнаӡахәа, нас аӡахәақәа еилаланы, иузеилымхыртә еилаԥаҭаны иааҟалон. Уи ашьҭахь хыхь анышә нықәрыԥсон, абасала имазеин зыԥсы ҭаз ацҳа. Аӷа данжәылоз, аӡахәа ганкахьала иныҵаԥырҟон, аамҭала иаахырхуан ацҳа..."
Асахьаҿы ижәбо ацҳа ҳаамҭазы ахархәара амоуп Индиа, аҵла адацқәа ирылхуп. Ҳтәыла аԥсшьацәа злаҭаауа ала, иахьшәарҭам џьара ихҵазар ҟалон зыԥсы ҭоу аӡахәацҳа: иԥшӡоуп, аԥсабара иаԥырхагам, ҳҭоурых уазхьанарԥшуеит, Аԥсны ажәытә хаҳә аамҭазы аӡахәа ахьыҿиаз дгьылк аҳасабалагьы аинтерес аҵоуп.
Аԥсуаа ихырҵоз ацҳа ахкқәа еиқәыԥхьаӡоуп абра>>
Please open Telegram to view this post
VIEW IN TELEGRAM
👍14❤4💔1
Ахьыуардын
Аԥсуаа аӡахәацҳақәа ҟарҵон иԥаны, ишышны, иара аӡахәа ԥымҟакәагьы цҳас ихырҵозаарын, уимоу аӡԥаҩқәа рҿы абнаӡахәа еиҭарҳауан, ианеилачлак ихәарҭахарц! Ари атәы дырны изҳәахьоу ыҟамкәа иҟам, ҳара иаҳԥылеит сынтәа изиубилеиу ашәҟәыҩҩы Даур Занҭариа ирҿиараҿы…
Абнаӡахәақәагьы хкы-хкыла иҟоуп, Аԥсны изызҳауа рҟынтә ҩба рыхьӡ ҳаԥшааит. Абтәыҩа (обвойник греческий, букв.: "козий рог"), ҳәа иҟоу ибзианы иҵәиуеит, асакасақәа аларшышуан ажәытәан. Алмышә ӡахәа акәзар, уигьы унапаҿы иааиуеит, ашаха ацымхәрас рхы иадырхәон, арахә ашьапы алаушьаҳартә иҟан.
Ацҳақәа рахь ҳгьежьуазар, Анатоли Возба ироман "Ҳаџьараҭ Кьахьба" аҿы, ишәгәалашәозар, аӡахәацҳа дахьахцәажәо ҭыԥк ыҟоуп ("Аеҵәа акыдшәара" ҳәа хьӡыс измоу ахы). Убраҟа Ҳаџьараҭ аԥхыӡ бааԥс ибоит: ҩ-хра цаӷь-цаӷьк рыбжьара аӡахәацҳа дықәланы днеихуеит, нырцә иԥҳәыси иԥеи аӷацәа иҳәынҷаны иркуп, иара днаӡаны рхы иақәиҭитәырц иҭахуп. Ацҳа ҩ-ӡахәа шәпак роуп излыху — акы дықәгылоуп, егьи инапала икуп! Ҵаҟатәи ҟамала иаасуа мацара аҿахҳәа ианааԥырҵәа, хыхь иикыз дкәалкәало дахьынҳалеит. Изакәытә сахьоузеи убла иаахгыло!
🧡 Ахьыуардын шәақәтәа
Ацҳақәа рахь ҳгьежьуазар, Анатоли Возба ироман "Ҳаџьараҭ Кьахьба" аҿы, ишәгәалашәозар, аӡахәацҳа дахьахцәажәо ҭыԥк ыҟоуп ("Аеҵәа акыдшәара" ҳәа хьӡыс измоу ахы). Убраҟа Ҳаџьараҭ аԥхыӡ бааԥс ибоит: ҩ-хра цаӷь-цаӷьк рыбжьара аӡахәацҳа дықәланы днеихуеит, нырцә иԥҳәыси иԥеи аӷацәа иҳәынҷаны иркуп, иара днаӡаны рхы иақәиҭитәырц иҭахуп. Ацҳа ҩ-ӡахәа шәпак роуп излыху — акы дықәгылоуп, егьи инапала икуп! Ҵаҟатәи ҟамала иаасуа мацара аҿахҳәа ианааԥырҵәа, хыхь иикыз дкәалкәало дахьынҳалеит. Изакәытә сахьоузеи убла иаахгыло!
Please open Telegram to view this post
VIEW IN TELEGRAM
👍22❤3
This media is not supported in your browser
VIEW IN TELEGRAM
Ажьа шкәакәа зкыз диҩызахеит рҳәоит, фразеологиатә еицааироуп, аҵакы: попасть в безвыходную ситуацию. Ажьа шкәакәа зкыз дзықәшәаз уи ауп, иоуижьыр иан дыԥсуан, иоуимыжьыр – иаб. Ари афраза ҵакыла иақәшәо даҽакгьы ыҟоуп "аҩсҭаа дызкыз диеиԥшхеит".
Ила ажьа акит – ажьа́шәара иахылҿиааз фразеологизмуп, даара узеигәырӷьаз ақәҿиара, аманшәалара аанагоит: ему крупно повезло; ему улыбнулась удача (букв.: его охотничья собака поймала зайца). Ажьа аишәарыцара акыр алаҵәара аман Аԥсны, ажьа алақәа иҵдырҟьон, нас иркуан. Ари аршаҳаҭуеит ҳфольклор аҿы алымҳакьацә иахҳәаау ажәаԥҟақәеи алакәқәеи рырацәарагьы.
• Ажьа шаҟа итәаз аҟара икәарит.
• Ажьа амарда ихалозар, еиҳа иҩуеит.
• Ажьа зкыз аԥышә дагәӡуан, иара аблақәа абнахь иԥшуан.
• Имццакыз ажьа уардынла икуеит.
• Ажьа ахьыҵҟьаз иаанагоит.
• Ажьа алақәа зегьы ирыцәшәоит, аха алақәа зегьы ажьа рызкуам.
Ажьа иазку иҵегь ажәаԥҟақәеи жәлар разгәаҭарақәеи жәбоит ҳавтор Сусана Ҭаниаԥҳа абри лыстатиаҿы>>
Абна илоу ашәарахқәа рҟынтә ажьа иахаршалоу ахатәы хьӡқәа хыԥхьаӡарала зегьы иреиҳауп ҳәа лыҩуеит абызшәадырҩы Валентина Амҷԥҳа, иагьаалгоит абарҭ аҿырԥштәқәа: Жьац, Жьагәа, Жьажьа, Жьажә, Жьабаӷь, Жьакәыр, Жьампыл, Жьаԥшь.
🔸 Жьазар, аҵыхәа скратәы снеихьеит – дело практически сделано.
Please open Telegram to view this post
VIEW IN TELEGRAM
👍22❤1
Ахьыуардын
Аԥсуаа ажьа иеишәарыцон, аха қыҭа-қыҭала иҟан уи ажьы зымфоз ажәлақәа. Чурсин иматериалқәа рҿы ҳаԥхьоит абзыԥқәеи абжьыуааи рыбжьара ишуԥылоз урҭ рҩызцәа, иагьеиқәиԥхьаӡоит. Ари зхылҿиааз – ажьа ыҵырҟьаны ианаауа аӡә иашҭа-игәара иҭалар, "сара исысасуп" ҳәа дакьысуамызт, ашәарыцацәа ириҭомызт, иаргьы уи нахыс ажьы иҽаирҟьашьуамызт. Ажьа ишашьҭоу ԥҳәыск дахҭыгәланы лкалҭ иааҵалкыргьы ихьчоуп ҳәа ԥхьаӡан.
Уажәшьҭа, ажьашәара иазку лаф ажәабжьк, ажәа имоуп Анатоли Аџьынџьал:
Гәыра шьыжьы инаркны шьыбжьышьҭахьынӡа иашҭа ашышаанда акәиршон. Шьыбжьышьҭахь иԥацхахь дныҩналеит иԥсы ишьарц. Убри аамҭазы ашәарыцацәа рлақәа ҵаруа, жьак раԥцаны ишаарцоз, ажьа ыԥаны агәара ианнықәԥала, шьыжьымҭан аахыс Гәыра дыздыԥсылоз иаанда ыҵырҩрны инканажьит. Ари гәазҭаз Гәыра игәылацәа рыбжьы наиқәдыргеит: "Гәыра, уааԥши, ажьа иузнауз убап!" – ҳәа. Гәыра иаанда ҟьаҟьаӡа икажьны ианиба, игәылацәа ус нареиҳәеит: "Уи ажьа, хымԥада, Нхыҵтәи ажьақәа иреиуан, мамзар аратәи ҳжьақәа ирызкажьуамызт саанда".
#аԥсуа_лафқәа
🧡 Ахьыуардын шәақәтәа
Уажәшьҭа, ажьашәара иазку лаф ажәабжьк, ажәа имоуп Анатоли Аџьынџьал:
Гәыра шьыжьы инаркны шьыбжьышьҭахьынӡа иашҭа ашышаанда акәиршон. Шьыбжьышьҭахь иԥацхахь дныҩналеит иԥсы ишьарц. Убри аамҭазы ашәарыцацәа рлақәа ҵаруа, жьак раԥцаны ишаарцоз, ажьа ыԥаны агәара ианнықәԥала, шьыжьымҭан аахыс Гәыра дыздыԥсылоз иаанда ыҵырҩрны инканажьит. Ари гәазҭаз Гәыра игәылацәа рыбжьы наиқәдыргеит: "Гәыра, уааԥши, ажьа иузнауз убап!" – ҳәа. Гәыра иаанда ҟьаҟьаӡа икажьны ианиба, игәылацәа ус нареиҳәеит: "Уи ажьа, хымԥада, Нхыҵтәи ажьақәа иреиуан, мамзар аратәи ҳжьақәа ирызкажьуамызт саанда".
#аԥсуа_лафқәа
Please open Telegram to view this post
VIEW IN TELEGRAM
👍18😁3
Аетнонимқәа ирхылҿиааз ахатәы хьыӡқәа
Иџьоушьаргьы, ари акатегориа злашьақәгылоу ахацәа рыхьӡқәа рылоуп. Аԥсуаа ҭоурыхла изыҿцаауаз, ма изабашьуаз ажәларқәа рышьҭамҭа анымԥшыр ауамызт абызшәа, хаҭалагьы антропонимиа.
Аԥхьатәиқәа хәба – шьала-дала иаҳзааигәоу азахәцәа рҟынтә иаауеит, аҵыхәтәантәиқәа хԥа – асарматцәа рҟынтә (шәазхәыц, шаҟа ижәытәу). Асиа еиқәыршәоуп хадаратәла Шьалуа Инал-иԥа ишәҟәы «Аԥсуаа рантропонимиа» ашьаҭала, ахархәара раҳҭеит иара убас Виачеслав Чрыгбеи Валентина Амҷԥҳаи русумҭақәа. Иҟоуп аетнонимқәа ирхылҿиааз ажәлақәагьы.
▪️Едыгьа // Едгьац «адыгеец»
▪️Дамеи «адамей»
▪️Наҩеи «ногаец»
▪️Жана «жанеец»
▪️Беслан «бесленей»
▪️Лаз «лаз»
▪️Урыс // Урысҟан «русский»
▪️Арнауҭ «арнаут»
▪️Шәаныуа «сван»
▪️Ҟарач «карачаевец»
▪️Шәамахь «армянин»
▪️Мард «мард» (древнеиранское племя)
▪️Шараҳмаҭ «сармат»
▪️Езыгә «языг» (сарматское племя)
▪️Уазамаҭ «язамат» (сарматское или меотское племя)
#ахьӡқәа

👍21❤2
👍20❤4
Ахьыуардын
"́Ԥхынҷкәын" шԥеиҭаҳго?
Иҭабуп, ҳазҵаарақәа шәахьрывымсуа! ❄️ Ԥхынҷкәын ах-вариантк рыла еиҭаугар ауеит, аха аҵакыҵәҟьа "аԥхын хәыҷ" ауп: декабрь = маленькое лето (в Абхазии). Ари ажәа – жәытә аԥсышәоуп, иахьазы зыԥсы ҭоу адиалектқәа еицырзеиԥшуп.
Адгьыл иқәаарыхуаз, аԥсабара иашьклаԥшуаз ҳабдуцәа игәарҭахьан ҭагалан анҵәамҭазы амш ақәас-ӡысра адыруазар, ԥхынҷкәын бжеиҳан амра каҷҷа ишыԥхоз. Аԥхын ду (аншоураҵәҟьоу) ииасхьеит аҟынтә, ари аԥхын хәыҷ акәхон. Ари амза иҵегь ахьӡқәа амоуп аԥсшәаҿы: Ӡынхы, Ӡынԥынҵа (начало зимы); Қьырса (месяц Рождества (по старому стилю).
Аҷкәын "ахәыҷы" ҳәа аанагоит иахьа уажәраанӡа ашәуаа ражәаҳәаҿы, ҳахәаԥшып атопонимика: Хәажә ду, Хәажә ҷкәын (Старо-Кувинск, Мало-Кувинск), Инџьыгь-Ҷкәын (Малый Зеленчук), Ҟәарбахҷкәын (Малая сухая балка), Бнаҷкәын (Маленький лес), Аӡыгьагьараҷкәын (Малое озеро).
Иҵегь аҿырԥштәқәа ааҳгахьан абра>>
🧡 Ахьыуардын шәақәтәа
Адгьыл иқәаарыхуаз, аԥсабара иашьклаԥшуаз ҳабдуцәа игәарҭахьан ҭагалан анҵәамҭазы амш ақәас-ӡысра адыруазар, ԥхынҷкәын бжеиҳан амра каҷҷа ишыԥхоз. Аԥхын ду (аншоураҵәҟьоу) ииасхьеит аҟынтә, ари аԥхын хәыҷ акәхон. Ари амза иҵегь ахьӡқәа амоуп аԥсшәаҿы: Ӡынхы, Ӡынԥынҵа (начало зимы); Қьырса (месяц Рождества (по старому стилю).
Аҷкәын "ахәыҷы" ҳәа аанагоит иахьа уажәраанӡа ашәуаа ражәаҳәаҿы, ҳахәаԥшып атопонимика: Хәажә ду, Хәажә ҷкәын (Старо-Кувинск, Мало-Кувинск), Инџьыгь-Ҷкәын (Малый Зеленчук), Ҟәарбахҷкәын (Малая сухая балка), Бнаҷкәын (Маленький лес), Аӡыгьагьараҷкәын (Малое озеро).
Иҵегь аҿырԥштәқәа ааҳгахьан абра>>
Please open Telegram to view this post
VIEW IN TELEGRAM
👍21❤4
Ԥсҳәы ақыҭа ахьӡ ахьынтәаауа азы даара аинтерес зҵоу агәаанагара ҳԥылеит аҳҷыԥсаа рҳәамҭаҿы. Ажәлар ретимологиа анузышьақәмырӷәӷәо шыҟоу еиԥш, ахҭа ианҭанаршәуагьы ыҟоуп, версиак аҳасабала ахәаԥшра иаԥсазар ҟалап. (Аҵарауаа ртәы ҳазааҭгылахьан хыхь).
"Ҳнапы ахьынаӡуа – Анапоуп"
Аҳҷыԥсы аҟара аибашьра иӷәӷәаны џьаргьы иҟамлаӡаст (1864 ш.). Рханы ашьхарыуаа тәан, иҵегьы ҩадахьы ашәуаа тәан, ашьха аӡы хеиҟәнашоз, рызқәа рҿы – аԥсуаа рызқәа рҿы – Ҟәбина нырцә азахәцәа тәан. Ашәуаа рыхьыӡ зыхҟьаз – ашәырҭа иқәтәоу, ихықәтәаз; ԥсҳәаа – Аԥсы-ҳәа*, аӡы иавакны итәан азы.
Ашаԥсыӷқәа ажәытә ихьтәаз инхомызт – иааит. Шәачагьы аԥсыуа дгьылуп ауп ишаҳдыруаз, ҳаиҳабацәа ирҳәоз, уа Аублаа нхон, жәлан, Ачба иаҵкьыс еиҳан. "Аублаа иаԥхьа амӡырхаҿы узықәсом, ишьҭахьла уцароуп" акәын ишырҳәоз, даара ҳаҭыр иқәын.
Аԥсуаа ажәытә Анапанӡа, Анапа анеҩс итәан, "ҳнапы хьынаӡуа – Анапоуп" рҳәон. Ҳара ҳабдуцәа изларҳәо ала, аибашьра аан, Кавказ аибашьра аан хҩык рҿы ҩыџьа ҭахеит. Аҭырқәа итәылаҿ инҩеи ачымазара, ахьҭа, амла, аибашьра ихҟьаны еиҭа хҩык рҿын ҩыџьа ҭахеит.
Ҳара ҳахьыӡ "аԥсуаа" аҭырқәцәа "абаза" ҳа нҳарҳәоз изакәыз ҳаздырӡомызт, ирҳәон ҳаиҳабацәа, азахәцәа рзын "ачерқьез" анырҳәоз изакәу рыздырӡомызт, иаанагоз рыздырӡомызт, ҳабдуцәа Ҭырқәтәыла инҩеи "азахәцәа" акәын ишырдыруаз. Аԥсуаа аҭырқәа идгьыл 250 000-ҩык ыҟоуп.
Акәыџба Исмеҭ иҳәамҭоуп, ианиҵеит Руслан Гәажәба Аҟәа, 01.11.1995 ш. Изҳәаз 40 шықәса дырҭагылан, аҳҷыԥсаа дреиуоуп, Анкара дынхон.
📖
Аԥсыҳәа = аԥшаҳәа – берег реки, долина
Хҩык рҟынтә ҩыџьа ҭахеит – погибли две трети

👍16❤7
Аҩнатә ԥстәқәа ирызку аԥсуа жәаԥҟақәа
🟠 Ауаса мариала изауз, ламзааит ҳәа дахәаԥшуан.
🟠 Дасу илеи иҳәеи иара иеиԥшхоит.
🟠 Ацгәы аԥсыӡ акыр аҭахын, аха ашьапы бааӡар ҳәа ишәон.
🟠 Ала ажьы ала иафом.
🟠 Аҳәа ду ахы ишақәгәыӷуаз иҭахеит.
🟠 Абқәа рԥыза есымша рышьҭахь игылоуп.
🟠 Гәыкала зашҭа уҭало илагьы уадыруеит.
🟠 Заҳ дыӷәӷәоу илагьы ӷәӷәоуп.
🟠 Аҽада алақәа ианырк илахҿыххеит.
🟠 Ацгәы аԥа аҳәынаԥ акуеит.
🟠 Аџьма анынҵәаша тәыҩала еисуеит.
🟠 Зан иацымныҟәаз аҽҵыс ақәыџьмақәа ирфеит.
🟠 Зтәыҩа хжәоу акамбашь – камбашь бжоуп.
🟠 Акамбашь амхы абон, аанда абомызт.
🟠 Зыбӷа цәҟьоу аҽы харантә амҵ иабоит.
🟠 Ажә ашьапы аҳәыс ашьуам.
🟠 Аҽы зҭиуаз "чоу!" иҳәон, иаазхәоз – "ҭәыхь".
#ажәаԥҟақәа
🧡 Ахьыуардын шәақәтәа
#ажәаԥҟақәа
Please open Telegram to view this post
VIEW IN TELEGRAM
👍17🔥2❤1
Ахьыуардын
"Смачхәал цым-цым ҭыҳәҭа змамыз Сыхәда инхысшьын, снаҵысит". Абас иалагоит Иуа Коӷониа еицырдыруа иажәеинраала "Ашәарыцаҩ ашьха". Изакәузеи амачхәа́л? Амачхәал, амаџьар, амачыҟәа, аӡамҭа уҳәа убас иҵегь – ажәытә излашәарыцоз, излеибашьуаз шәақьқәоуп. Дара…
Ашаха бзиоуп иаузар, ажәа – кьаҿзар. Ихаау, иласу аԥсуа лафҳәашьа. Ажәеинрааланы:
"Хәҷык икьаҿуп сшәақь агәыцәа,
Шәҭахыз – шәкәата, шәҭахыз – шәӡыцәа…
Схыснаҵы иамҳәаӡацт амцгьы,
Егьшәмырџьан, егьсырҽхәаӡом амцхәгьы".
Владимир Ахьиба
🔸 Ашәақь аҵа дкылакуп - он в опасности; он под прицелом;
🔸 Ашәақьхыс даҩызоуп - он очень храбрый;
🔸 Ашәақьԥынҵа дузаҿкуам - неуловимый, смелый.
🧡 Ахьыуардын шәақәтәа
"Хәҷык икьаҿуп сшәақь агәыцәа,
Шәҭахыз – шәкәата, шәҭахыз – шәӡыцәа…
Схыснаҵы иамҳәаӡацт амцгьы,
Егьшәмырџьан, егьсырҽхәаӡом амцхәгьы".
Владимир Ахьиба
🔸 Ашәақь аҵа дкылакуп - он в опасности; он под прицелом;
🔸 Ашәақьхыс даҩызоуп - он очень храбрый;
🔸 Ашәақьԥынҵа дузаҿкуам - неуловимый, смелый.
Please open Telegram to view this post
VIEW IN TELEGRAM
👍13❤3
🌽 Аԥсны иаадрыхуаз аџьықәреи жәлақәа
• А́лаҭаҷаҷа;
• Алага́жә;
• Алагажәы́ҭ;
• Ажәынҭы́ӷьла // ажәымҭы́ӷьла;
• Алажәы́та (асаӡқәа рҳәашьала);
• Алаҩы́та (цәжьаа рцәажәашьала);
• Аҩысҭааџьықәреи (аҩсҭааиԥш);
• Аџьықәреи ҟаԥшь;
• Аҷыҷтәы́;
• Аԥшыртҟәа́ц.
Абра еиқәыԥхьаӡоу ахкқәа реиҳарак ҩеижьуп, рыхьӡқәагьы "ала", ма "алагара" иахаршалоуп. Иаагозар, алаҭаҷаҷа – "сморщенные зерна"; алагажә азы аӡы рацәаны "иажәуеит" рҳәон.
Аџьықәреи XVIII ашәышықәсазоуп Аԥсны ажәла ркуа ианалага, аха ахкқәа зегьы аԥсышәала ахьӡқәа роуит. Аамҭакала ҩба-хԥа жәла аазрыхуаз ыҟан аԥсуаа, ацақәа ҩ-ҿык рыманы, еиҩкааны иҟарҵон, аҩеижьи аҟаԥшьи, аҩеижьи ашкәакәеи хаз-хазы иҭарԥсон. Иахьагьы иҟоуп быцала ишшу ажәытә цақәа зызгылоу.
🔸 Ажәи аҿеи еиқəаҳаԥсоит – мы богато живем (досл.: прошлогодний урожай еще не кончился – собрали новый)
📖 А́мгəахə – годовой урожай кукурузы, фасоли

Иахьа, ԥхынҷкәын 5 рзы, 95 шықәса лхыҵит аҭоурыхҭҵааҩ, археолог Мирра Хотелашьвили-Инал-Иԥа, Аԥсны зҽаԥсазтәыз акультура аусзуҩ, Аԥсны Аҭҵаарадыррақәа ракадемиа пату зқәу алахәыла, Ахьӡ-Аԥша аорден III аҩаӡара занашьоу.
Мирра Константин-иԥҳа занааҭла дбиологын, антропологиа дазҿлымҳан, аха лылахь ианын аҭоурых, ажәытәрақәа рыҭҵааҩыс аҟалара. Акыршықәса Аԥсуа ҳәынҭқарратә музеи аҿы аус луит. Археологцәа дуқәа Л. Соловиов, М. Гәынба, Гь. Шамба рнапхгарала Аԥсны имҩаԥысуаз аекспедициақәа дрылахәын Хәыпын иԥшаҳәа, Аҟәа, Ешыра.
Аԥсуа ҵарауаҩ ду Шьалуа Инал-Иԥа ихатә ҩыза, ицнагаҩ, иарӷьажәҩа (рҭаацәа ԥшӡа еибызҭаз қьаӷьариас дрыман Жәлар рпоет Баграт Шьынқәба), иԥсҭазаара зегь зызкыз аԥсуаҭҵаара ларгьы мцаны илыцралеит жәларык ирҿахәҳәагоу, адоуҳа зцу ишәҟәы "Абхазы" анҭыҵ. Иахьазы 50 инареиҳаны аҭҵаарадырратә усумҭақәа дравторуп, набыцрак зқәым амонографиа шьахәқәа налаҵаны. 2020 шықәсазы хазы иҭыҵит хықәкыла аҿар рзы илҩыз Аԥсны аҭоурыхи аԥсабареи рышәҟәы.
Мирра Константин-иԥҳа XX ашәышықәсазы аԥсуа жәлар ирыхҭыргаз агәаҟҵәаҟра рыцеиҩызшаз, имӷьаӡо ахәра ззынажьыз, анык лаҳасабала агәырҩа иабылхьоу ԥҳәысуп. Шықәсқәак раԥхьа ажурнаист Инна Ҳаџьымԥҳа лдырраҭара "Ашьхацамҩа" ла илызкын, убра ажәытәуаа ишырҟазшьоу еиԥш, гәҭыӷьгьала дцәажәоит лаамсҭашәара, лкан, лажәартәашьа уаршанхо. Убра дшаҳбаз еиԥш иҵегь ԥыҭк Анцәа днаишьҭааит зааԥсарақәа рацәоу аҵарауаҩ, агәабзиара лыманы, лхылҵ-ԥылҵ рзы лгәы ҭынчны, реихьӡарақәа рыла лгәы азҳауа!

👍14❤7