Ахьыуардын
1.27K subscribers
1.38K photos
222 videos
1.66K links
Ахьыуардын — аԥсуа бызшәеи, аҭоурыхи, акультуреи ирызку апроект ҷыда. Напбзиа-шьапбзиа ахьыуардын дақәтәоуп. Шәҳацла: ахьы хәыҷуп, аха шәкы ицоит, аӡә дышәҩыкны дҳаԥхьаӡоит.
Download Telegram
Channel created
Channel photo updated
☑️ Ахьыуардын - Sputnik Аԥсны апроект ҷыда, абраҟа аԥсуа бызшәеи, аҭоурыхи, акультуреи, аҟазареи ирызку анҵамҭақәа ҳкьыԥхьлоит. Напбзиа-шьапбзиа ахьыуардын дақәтәоуп. Шәҳацла, аӡәы дышәҩыкны дҳаԥхьаӡоит. Ахьы хәыҷуп, аха шәкы ицоит.

🇷🇺 Ахьыуардын – "телега с золотым контентом" – проект Sputnik Абхазия о языке, истории и культурном наследии абхазского народа.

✈️ Ахьыуардын шәақәтәа
Please open Telegram to view this post
VIEW IN TELEGRAM
👍20🔥82
Хьылаҵара иамшуп!

Иаха Аԥсны иреиҳаӡоу аныҳәақәа ируаку, ҳазҭоу амза ахьӡ азҭазгьы Ажьырныҳәа (Хьачхәама) ҟарҵеит. Ԥсуала Ажьырныҳәа ашықәс ҿыц аҭалара иазкуп, ари аҩыза ашықәсԥхьаӡара ажәытә иулиантәи амзар иақәшәоит.

Иахьеи-уаҵәи ауа-аҭахы, агәыла-азла еиҭанеиааиуеит, ҽаанбзиала ҳәа еибырҳәоит. "Ахьи араӡни ҷах-ҷах!" ҳәа хьылаҵара ҟарҵоит, хазы арԥарацәа иҭҟьо абџьарла ахы "ларҵоит".

1994 шықәса инаркны ажьырныҳәа 14 Аԥсны ҳәынҭқарратә ныҳәаны иарбоуп, иԥсшьарамшуп. Ааигәа Жәлар Реизара иаднакылаз азакәан аԥсахрақәа рыла, Ажьырныҳәа урысшәалагьы "Ажьырныхуа" ҳәа ахьӡ аанхоит. Уаанӡа "День сотворения мира" зыхҳәааз "Традиционный религиозный праздник абхазов" ҳәа иаарԥшхоит.

Ажьырныҳәа аҭоурых дуӡӡа амоуп, ашәышықәсақәа иргәылсны иаауа иԥшьоу милаҭтә ритуалуп.

Ажьиреи, ахьиреи, урҭ ирызку аныҳәара аҵаки рыӡбахә иаҳа инарҭбааны иҳәоуп абра.

🧡 Ахьыуардын шәақәтәа
Please open Telegram to view this post
VIEW IN TELEGRAM
👍15🔥41
Ажьира змамыз ишԥаҟарҵоз?

Ажәытәӡа аахыс ажьира шьҭрала иаауеит. Ари аныхахә иатәым игәаԥханы ишьҭихыр аниҭаххоз, аныхаԥааҩ дизцар акәын, ажьира иахагылоу, уи амаҵ зуа. Аԥҳәыс уахь анеира азин лымаӡамызт, ианамуӡах, аԥҳәыс цқьа днарышьҭыр ҟаларын.

Ажьира ашьҭыхра зҭахыз ҩынҩажәамш ажьи иҿы дыҟазар акәын, уи иааиҳәоз зегь ҟаиҵон, амаҵа́ԥа ихьӡын.

Иикуа-иишьҭуа, хыччарак амамкәа ажьи дидгыланы ари аҿҳәара неигар, ихы дақәиҭтәны дныҳәаны, ибӷа инапы нкыдшьыланы ацәашьы ииркуан: "Иахьарнахыс уақәиҭуп!" ҳәа иаҳәаны.

📖 Амаҵа́ԥа – подмастерье (ажьира амаҵуҩы иԥа – "сын" служителя кузни)

Ахыҵхырҭа: аҵарауаҩ Арда Ашәба

🧡 Ахьыуардын шәақәтәа
Please open Telegram to view this post
VIEW IN TELEGRAM
👍18🔥4🙏1
💫 Абырзал – хетт ажәоуп (parzilum), аиха аанагоит, аԥсшәагьы ус иалалеит.

Ауаҩы аԥхьаӡа еихас иибаз ажәҩан иалҟьаз аметеорит акәын, уи аҟынтә абырзал ҳбызшәаҿы синонимқәас иамоупафцырҟьа, афырхы, уи аамышьҭахь ахҿа.

Ахеттцәа ртекстқәа рҿы par-zi-lum уԥылоит ҳера ҟалаанӡа II-тәи азқьышықәса инаркны. Ари ахьӡ анаҩс аиврит ишьҭнакааит, бырзен бызшәалагьы "аџыр" ахьӡ Хеттәыла иахаршалоуп. Иџьоушьап, Мысратәи афараон Тутанхамон (ҳера ҟалаанӡа 1332-1323 шш. рзы аҳра иуан) идамраҿы иԥшаан аԥхьаӡатәи аиха ҟамақәа руак, хеттаа рҟынтә ҳамҭас иоузар акәхарын.

Хеттаа роуп адунеи аҿы зегь раԥхьаӡа аиха гәазҭаз, знапахьы иаазгаз, уи амаӡа акыраамҭа иҵәахны ирыман. Усҟан аиха ахьы аасҭа ахә дуун. Аҵарауаа еиқәшаҳаҭхахьеит, амаден арҭәашьа аԥхьа изҵазгьы хеттаа рхыԥша ӷәӷәа зныруаз ажәларқәа шракәу. Ус анакәха, аԥсуаа ажәытәӡан ҳазхылҵыз ҳабдуцәа рабдуцәа ирдыруан ажьишьа. Аԥхьатәи аамҭақәа рзы Амшын еиқәа аҟәара иқәԥсаз аԥслымӡ ҷыҷны акәын аиха злароуаз.

Абри анҵамҭа иаарту ахыҵхырҭақәа рышьаҭала еиқәыршәоуп.

📖 Аиха́ - железо; топор
👥 Асинонимқәа: абырза́л, афцырҟьа́, афырхы́, Шьашәы́ рхы́
🔍Атопонимика: Кәаҷара-Лабра иахьаҵанакуа Абырза́л ахәы́ ҳәа аҭыԥхьӡ ҳԥылоит

🧡 Ахьыуардын шәақәтәа
Please open Telegram to view this post
VIEW IN TELEGRAM
👍23🔥2
Шьашәы ихьӡ иҳанаҳәои?

Аԥсуаа рҿаԥыц ҳәамҭа иалоуп раԥхьаӡатәи ажьи дшыҟалаз ҳәа ажәабжь.

Аиха ҟалаанӡа ажәытәӡатәи аамҭақәа рзы ахацәа ашәарыцараан рхы зларыхьчашаз абџьарк анрымамыз ыҟан, агыгшәыг иашьыр ҟалон. Убас зны аԥсуак абнаҿы дшьабаны дышцоз аӡәы дааиқәшәан иԥсы еиқәирхеит: ишьа ааникылеит, иршәит. Уи анаҩс идыррақәа ииҭеит "х-напык" (аԥсынгьери, ажьаҳәа, арыҭәа) нацҵаны. Абас дҩагылеит раԥхьатәи ажьи ҳәа еиҭарҳәоит аԥсуаа. Уи иеиқәырхаҩ, акыр зымчыз, акыр зылшоз Шьашәы ихьӡхеит.

📝 Уахьахәаԥшуа, ажәа аԥсышәоуп уҳәаратәы иҟоуп. Шьашәы – "иршәу ашьа" ҳәа аетимологиа азиуит аетнограф Иван Аџьынџьал. Аха иҟоуп аҵабырг иазааигәоуп ҳәа ухшыҩ зызцаша даҽа гәаанагаракгьы:

Шьашәы-Абжьныха, Абжьцәымза, Ахьаҳ Ду ҳәа изырҳәоит. Шьашәи Афи – Зегьзымчу Анцәаду иаамышьҭахь зегь реиҳа акыр зылшо нцәахәқәоуп ҳәа иԥхьаӡоуп аԥсуа традициатә динхаҵараҿы. Амцоуп дара хьырхәыга мчыс ирымоу. Игәаумҭар залшом арҭ ахҩык ахаҿырацәарагьы шырзеиԥш ҟазшьоу.

Уи абызшәа ианыԥшуеит: Афы рхы, Шьашәы рхы, Шьашәы рбаагәара, Шьашәы ркалҭ, Шьашәы рыдаӷьцәа, Анцәа рашәа уҳәа.

Ишдыру еиԥш, "быжьба" асакралтә ҵакы амоуп аԥсуаа ҳҿы. Ажьирақәа ныха цырҟьақәоуп азы, Шьашәы-Абжьныха ҳәа абызшәаҿы иахьышьақәхаз џьашьатәым. Уажәшьҭа "Шьашәы" иаҿҳарԥшып ақьырсианраҿы иршьо Софиа Премудрость. "Софиа" бырзен бызшәала "аҟәышра, адырра, аҟазара" аанагоит, Анцәа имчи идуреи аазырԥшуа, ахаҿырацәа змоу елкаароуп. Ажәа "афилософиа" ашьагәыҭгьы иалоу иароуп: "философиа" абырзен бызшәаҟынтә еиҭаганы "аҟәышра абзиабара" ́́аанагоит.

Аԥсуаа ҳҿы раԥхьатәи ажьицәа Шьашәи ауааи цҳас ирыбжьаз, уи имаҵ зуаз, идырра ззаатыз ракәны ирыхәаԥшуан. Убас ишнеиуаз иахьжьиуаз аҭыԥгьы иԥшьоу ҭыԥны иҟалеит. Анаҩс Шьашәы игәаҟаҵаразы ажьи ила аџьма ршьуа иалагеит шықәсык ахь знык, амш азҳарахь ахы анархоз, ашықәс ҿыц ааирагьы уи акәын издырҳәалоз – амра аԥхынрахь ахышәҭра.

Ажьырныҳәа аҵаки амҩаԥгашьақәеи рганахьала аҵарауаа макьана иҭырҵааша рацәоуп. Иахьазы ҩашьарада иаҳҳәар ҳалшоит акы – аԥсуаа ҳашықәс ҿыц шакәу. Ҽаанбзиала шәнеиааит!

🧡 Ахьыуардын шәақәтәа
Please open Telegram to view this post
VIEW IN TELEGRAM
👍16🔥73
Ҳаԥхьаҟа даҽа ҩ-ԥсшьарамшк ҳамоуп, ажьырныҳәа 15, 16.

Аԥсны аҳауагәаҭаҩцәа ишырҳәо ала, ариабжьарак амш бзиахоит, иналак-аалакны ашәшьы хылоит, ақәа ауам.

⚡️ Аԥша аҿоуп, аха иаӷьӡам: секундк ала 1-6 метра аласра шьҭнахуеит.

⚡️ Аҳауаԥхарра уахынла -1°С инаркны +4°С рҟынӡа, ҽынла +8°С инаркны +13°С рҟынӡа.

⚡️ Амшынӡы аҟәандара +10°С ыҟоуп, ацәқәырԥара 1-2 балл.

⚡️ Аҳауа ацәаакыра 60-80% инаӡоит.

🌤Ажәлар разгәаҭарақәа:

Аԥсҭҳәа адгьыл иқәчуазар, амш бзиа иатәуп.

Амра аҭашәамҭазы аԥсҭәҳәа иалахар, амш цәгьахоит.

🧡 Ахьыуардын шәақәтәа
Please open Telegram to view this post
VIEW IN TELEGRAM
👍14🔥7
"Аҟазшьа" даҽакала ишԥаҳҳәо?

Абра еизаҳгеит аԥсшәаҿы "нрав, характер" аарԥшразы ҵакыла еизааигәоу ажәақәа 10.

Асинонимқәа рхархәара ҳажәаҳәа арҭбаауеит, иарԥшӡоит, аҵакы гәылнаршәоит.

📚Аҿырԥштәқәа:

🔸 Дыҟоушәа, дыҟамшәа аԥсуа дымҩасуам, Иҟоуп илеишәа, ашақә маӡа дасуам. (Вахтанг Аԥҳазоу)

🔸 Еиԥшым ауаа! – аӡә аибашьра ахаҭа // Дагәылсуеит, имеицакӡакәа игәаҭа. // Ауаӷеимшхара даԥылоит хаҵаҵас, // Ак усс икымшәа, – иӷәӷәоуп ицәаҩа, иҵас!.. (Мушьни Лашәриа)

🔸 Мшәызар, ус иҟоуп агәыжәла, Иургәаар ауп ианужәло. (Владимир Анқәаб)

🔸 Уи аџыр даҩызазароуп, иламзароуп хьаҳәа-хьачарак, лак-ҩакрак. Дақәшәозароуп доусы иԥан. (Шамил Ԥлиа)

🔸 Лнаалашьа бзиа, лҿаԥсшәа хаара, ҭынч, лҽынкыло лцәажәара. (Џьума Аҳәба)

🔸 Ари аӡыҷҷа уажә усшәа иубоит, аха аҭыҳәрыкь цәгьан, жәытәан иҵегь идуун… (Заур Быҭәба)

🔸 Исаӡ цәгьоуп – у него крутой нрав; У́саӡ сылоумҵан – не вмешивайся в мои дела! (Аԥсуа-аурыс жәар. Еиқәиршәеит Владимир Касланӡиа)

#асинонимқәа

🧡 Ахьыуардын шәақәтәа
Please open Telegram to view this post
VIEW IN TELEGRAM
👍177🔥3
Барганџьиа Кәасҭа иԥа Николаи – Аԥсны зҽаԥсазтәыз арҵаҩы, Аџьынџьтәылатә Еибашьра ду алахәыла, ашәҟәыҩҩы, апублицист.

Диижьҭеи иахьа 105 шықәса ҵуеит.

Николаи Барганџьиа Асовет ар дрыхәҭакны Румыниа, Иугославиа, Венгриа, Австриа атәылақәа рхы иақәиҭитәуан. Аибашьра анеилга иҩныҟа дгьежьуеит, Афонҿыцтәи ашкол аҵара аҟәша аиҳабыс аусура далагоит.

1975 шықәсазы иҭыҵит ҩажәа шықәса наҟьак аус здиулоз Аџьынџьтәылатә Еибашьра ду иалахәыз аԥснытәи аҳәса ирызку ишәҟәы "Ашьа зықәҭәаз ашәҭқәа".

Ианашьоуп "Ахьӡ-Аԥша" аорден II-тәи аҩаӡара. Асовет ҳәынҭқаррагьы далнакаахьан хыԥхьаӡара рацәала амедалқәеи аорденқәеи рыла.

Ахыҵхырҭа: Аԥсны акрызҵазкуа арыцхәқәа рамзар. Аҟәа, 2022

🧡 Ахьыуардын шәақәтәа
Please open Telegram to view this post
VIEW IN TELEGRAM
👍11🔥6
📆 Еҳ, аамҭа, аамҭа, уабацои уԥырны... ҳәа дазҵаауан шәышықәса уажәаԥхьа аԥсуа поет-қәрахьымӡа Иуа Кәаӷәаниа.

Аиашаз, ҳнаҳәны ҳаахьаԥшаанӡа ашықәс ҿыц актәи амзабжа ниасны ицеит. Аха уи ҳалахь еиқәнамҵап, ахәыҷқәа ирызҳауеит, адуцәа ҟәышрак рзацлоит, зегь аԥсҭазаара иатәуп.

Аамҭа атәы анаҳҳәа, абра иааҳгоит аԥсуаа амзақәа рыхьӡқәас рхы иадырхәоз. Уамашәа ибзианы ирныԥшуеит ҳажәлар рыбзазашьеи рдунеихәаԥшышьеи. Ажәытә аԥсшәа ацәаҩа зхоу ажәақәа:

Ажьырныҳәа
– Ӡынгәы́мза, Чыдладу́, Гәны́ҳәа, Ӷымзымзаду́, Ӷазы́мзаԥ, Шьашәы́мза, Замҳара́ҳ (Ҭырқәтәыла инхо аԥсуаа рҿы)

Жәабран
– Ӡышәкәа́р, Ӡышәкәа́н, Ԥеруа́л, Мзаҩры́, Ӡынҵы́хә, Ӷымзымзахәыҷы́ (икьаҿуп азы)

Хәажәкыра
– Аԥша́мза, Ҿабла́н, Аиҭа́рымза, Қфа́тмза (месяц молитвы за домашних животных)

Мшаԥы
– Ҿаблакьы́н, Быӷьпыты́н, Цәаӷәара́мза

Лаҵара
– Лаҵа́н, Шьхаца́н

Рашәара
– Цуны́ҳәамз, Кәы́ркәа хәҷы

Ԥхынгәы
– Кәы́ркәа ду, Ҭәархы́н, Чархы́н (ҵаб), Ҿача́мза (М. Гәажәба)

Нанҳәа –
Мрашы́мза, Кәыбры́лаҳәан

Цәыббра
– Цәыббы́н, Лаҳача́н

Жьҭаара
– Бҵан, Раҟәы́бан, Шьхалба́ан, Ҿараблы́мз (О. Беигәаа ианиҵаз)

Абҵара
– Быӷькаԥса́н, Лы́мдмза, Ҭыӷьлаҵа́н, Мзаҷа́, Хьача́н, Мҟаҟача́н, Гьаргәа́бамза (Гьаргь ацқьа изкыз аныҳәарала), Ба́ага (О. Беигәаа ианиҵаз)

Ԥхынҷкәын
– Ӷыҵы́мза(ԥ), Қьы́рса, Ӡынхы́; Лымты́мза

Ахыҵхырҭақәа: Борис Џьонуа. Аурыс-аԥсуа жәар; Есма Ҭодуа "Аԥсуа мзар: амзақәа рыхьӡ азы згәаҭарақәак"

🧡 Ахьыуардын шәақәтәа
Please open Telegram to view this post
VIEW IN TELEGRAM
👍155🔥5👏1